Latin

Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 08

Süzlärneñ gomumi sanı 3581
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2231
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
иаша аԥсы даргылоит рҳәон ажәытәуаа, абзагьы
данашьуа убап, аха... Иара убри абза дзашьуагьы,
аиаша цқьа иахьизымдыруа акәзар ҟалап.
Изхысҳәаауа, џьара дахьнеиз аҟәыд имҵадыргылт Чаҵә
Чагә. Иара убригьы аџьыка агын.

– Бсыргәамҵуеит, аха џьыка хәыҷык!.. – иҳәеит Чагә,
аҟәыд ангәеиҭа.
– Сҟәыд аџьыка шагу здыргәышьоит, аха ҳадәқьанхьча
Қәыџьмахан мыжда џьыка ҳзааимгеижьҭеи анбыкәу...
Џьыкхышда џьыкҵәаҵә усгьы излоухгәышьоузеи... – лхы
дахашшааит аԥшәмаԥҳәыс.
Ҳаи, рыцҳа иакәымкәан исҳәеит, дсырԥхашьеит ҳәа
игәы иаанагеит Чагәгьы. Аха данынаԥш, асаркьа зҭа­саз
ашькаԥ аҩнуҵҟа аҵәца азна аџьыкҵәаҵә егьырҭ аҵәца
ҭацәқәа иахьрылагылаз ацәаара илаԥш наахеит. Аԥшә­
маԥҳәыс ахырқьиаразы амц дшылжьозгьы идырит. Уи
ма аџьыка деигӡеит, ма ианылчаԥа зынӡагьы иамҭаӡакәа
илхашҭит.
– Ибаргәым, аҟәыд аџьыка амамзаргьы, џьара ԥсы­
хәак асҭап, – даацәажәеит Чагә.
– Ԥсыхәас иамахи ани шьҭа...
– Иамамкәа, аҟәыд ара исфап. Аџьыка, нахьхьи Еш­
қыҭ иҟоуп, уа сышнеиуа иаахәан исфап! – иҳәеит Чагә.
Нас дааҭгылашәа инациҵеит: – Ииашаӡами исҳәо? Аиаша аԥсы даргылоит, абзагьы дашьуеит... аџьыка шимоу
ихашҭыр...

V
ЧАҴ Ә ЧАГӘ
И А бжьгара Қ Ә А

АГӘ ЫЛА КАҶБЕИ
АХШЫҨ ШИР ҴАТӘУ

Ч

аҵә Чагә иҽы иаақәшәан иԥсит. Адырҩаҽныҵә­
ҟьа иԥшәмаԥҳәыс лҭынхацәа рахь Бзыԥынҟа, Лых­
ныҟа дымцар ада хәшәы имамкәа дынҭагылт. Ҽыда дыз­
хәарҭаз, ишьапыдаз диҩызан. Инықәиршәын, ома­ӡак­гьы
ицәыхарамкәа инхоз, Абдал ҳәа бзиа иҟаз, рқы­ҭантә уаҩ
беиак иҟны днеин, уара, уанаџьалбеит, абас абасоуп исыхьыз, суацәа абзыԥқәа рахь сымцар ада ԥсыхәа сымам,
ҩба-хԥа мшы уҽы сыруаа ҳәа диҳәеит.
– Чагә, уара узы сара сҽы сышԥеигӡо, аха абӷа акәадыр
ицәнаҟьан цәгьала иҟоуп, иузкәадыруам, имжьыжь­куп...
– иҳәеит Абдал.
Ара усгьы сеиқәымшәеит ҳәа, Абдал иашҭа дынҭы­
ҵын, амхырҭа ду иакәыршаз аанда даваланы иҿынеихеит
Чагә. Ураҭагаланын. Аԥшгьы ҭаргалахьан. Ус дышнеиуаз
днаԥшызар, Абдал иҽы аҳәысҭа аҩнуҵҟа аанда иавалан
иахьҳәуаз аагәеиҭеит. Ааигәара днеин абӷа шыцәҟьоу
гәеиҭарц днахәаԥшит. Аха аҽы, абыржәы ашьха илбааз­
шәа икәымпылӡа, акәтаӷь ақәҵәраан ицаратәы игылан.
Чагә аҽыуаара даҽаӡәы имихын дахьцашаз далацеит.
Абри ашьҭахь ҩбаҟа мчыбжьы рҟынӡагьы ааҵит.
Ҽнак Чагә иҩны ашҭа иқәтәаз ала аху-хуҳәа ишуа, даамфар ҟамлошәа, иааиуаз аӡә дакит. Алаҵәҟьагьы аҳарам
дадыруеит рҳәоит, заҟа ииашоу сеидроу, аха... Чагәгьы
дындәылххны иааиуаз днеиԥылеит. Днаԥшызар, агәашә
аҟны Абдал илаба кны дқәацәӡа дгылоуп.
– Умааиуеи арахь?! – иҳәеит Чагә.
– Уахь снеиуама, абааԥс, сасцәа дахьқәак сҭааит,
усызрыдтәалароуп, рызхарагьы исызурччап, рызхарагьы

аҩы сыздуржәып, ҭамадас ухы схумбаароуп, уҽеибыҭ! –
даацәажәеит Абдал.
– Уара узы, Абдал, сара схы сеигӡом, ҩба-хԥа мшгьы
усасцәа сузрыдтәаларын, аха... – иажәа неимыгӡеит Чагә.
– Иухьи, угәы еиҟарами?
– Ишԥауасҳәари, Абдал?! – иҳәеит Чагә, иҽеиԥштәны. –
Тәашьажәлак сыман ҳәа сыҟаӡам!.. – ҳәа усгьы нациҵеит.
Абдал изакәыз изеилымкааит.
–?!
– Харчлаа Ламшьаҵә иҽ леишәацәгьа имхны Лыхны­ҟа
салацан, амҩан исзаанацаз иудыруеи, сахьаҟьоз, стәар­ҭа
зегь цәнаҟьеит, сызтәаӡом, имжьыжькны иҟоуп, – иҳәеит
Чагә. – Иумугәышьозар, уаҳаҭыр азы, суццап, амала стәар
ауам, сықәиаргьы. Уҭахызар ҿыцха сианы иуздсыр­жәлап...
Абас Чагә Абдал каҷбеи дахьирхәит.
УЦӘ Г ЬА ЗҲӘО
ШИЗЫӠЫ РҨТӘУ

Х

апаш уаҩаԥшьк иакәын. Абри азы шьоукгьы «Ҟаԥ­
шьы» ҳәа иарҳәон. Иара ацәгьаҳәара зцәа иалаз
уаҩын.
Аҽны Уачамчыра аҽырҩра ыҟан. Абраҟа, ишаԥу еиԥш,
аԥхьахәқәа згоу ралкааразы, ирықәнаго аҳамҭақәа ры­
ҭара­зы аӡбаҩцәа алырхит. Урҭ хантәаҩыс Чаҵә Чагә
дрырҭеит.
Аҽырҩра ианалга, аиааира згаз аҳамҭақәа анрырҭа,
ажәлар рыҩныҟақәа рахь идәықәлеит.
– Чагә днаган хантәаҩыс дҟарҵан, аиааира згақәаз
иуацәа гәыԥаа иреиӷьыз аҳамҭақәа далаԥшны ириҭеит,
егьырҭ аиааира згақәаз абаша-маша ҳамҭақәа риҭеит...
– иҳәеит Хапаш, Бигәаа Хабыгә дахьиацәажәоз, рааигәа
игы­лақәаз рыгәҭа Чагә дшыҟаз гәамҭаӡакәа.
– Ууа даԥсахар, дсуоуп ҳәа, дзыԥсоу иумҭар иашома?..
– Хапаш ииҳәаз иаамеикит Хабыгә.

– Дызусҭзаалак иаԥсахаз дзыԥсоу даԥсоуп, – иҳәеит
Аҭарантәи иҟаз Бигәаа Исагьы дахьгылаз.
Чагә Хапаш ииҳәаз аниаҳа, днеин днарыдгылан шәыш­
ԥаҟақәоу ҳәа нареиҳәеит.
– Иахьа иаԥызгаз аҽыбӷаҟазаҩцәа ирыхәҭаҵәҟьаз
аҳамҭақәа рзышәшеит! – уажә дааҳәит Хапаш.
– Уара, Хабыгә, акы суазҵаашан... – иҳәеит Чагә, Хапаш ииҳәаз имаҳаӡазшәа.
– Ыы?
– Уара, абри Гәадал Агрба ҳәа зыхьӡ рҳәоз уихаанызу?
– Сихааным, аха... Мқан Манчеи иареи лафҳәаҩцәа
дуқәамзи, узиазҵааи?
– Сызиазҵааз уи ауп, сыцәгьа бзиан изҳәо дызбар, цқьа
ибзианы изҳәандаз, ианаџьалбеит, ҳәа сизыӡырҩуеит
иҳәон, иԥсаҭа бзиахааит. Ибзианы ацәгьаҳәара убригь ҟа­
за­­роуп, ус акәӡами, Хабыгә?
– Усоуп, аха ус еиԥш ацәгьаҳәаҩ бзиа уажә дабаҟаху, –
иҳәан, Хабыгәгьы дааԥышәырччеит.
– Убри ауп иуҳәаша, – иҳәеит Чагә, – уажәтәиқәа
наҳәы-ааҳәуеит.
Ц АС ИЦӘАЖӘ О
ШИАЦӘАЖӘАТӘУ

Џь

гьарда ахәҵа Чагьам инхоз Жан Ҳаҭ ԥҳәыс дааигеит. Иуа-иҭынха, идыр ираҳәаны чара ду

иуит.
Ачара ашьҭахь мызк аҟара ааҵхьан Ҳаҭи Чагәи бзиарак аҟны еиқәшәеит, уаанӡагьы еибадыруан. Ҳаҭ ичара
Чагә иахьиеимҳәаз даацәыԥхашьан, хырқьиагас ҳәа ус
неиҳәеит:
– Угәы иалымсын, Чатә, счара ахьуасымҳәаз. Уажә
чараӡам, ус кампаниашәа хәҷык ҟасҵеит, уашьҭан, ачара
ду анызуа, хымԥада иуасҳәоит!..
Чагә иаҳахьан Ҳаҭ ачара ду шиуз, уажә цас хырқьиагас
ишиҳәоз идыруан.

– Иҭабуп, уалагәырӷьааит!.. – иҳәеит. Нас иаргьы цас
даацәажәеит:
– Уара ак уасҳәашан, Ҳаҭ.
– Ыы?
– Шаҭ-иԥа Данаҟаи думдыруаз?
– Мап, иззуҳәеи?
– Уаҩ иҟаимҵацыз ҟаимҵеи?!
– Избан?!
– Ԥҳәыс данааига, еиқәырццакны ҩынтә чара ду лзиуит!
– Ишԥа уара?!
– Раԥхьа ачара анылзиуаз, ачара иамҳәаӡакәа идырк
дихашҭзаап. Ашьҭахь ианеилгақәа, мызк аҟара ааҵхьан,
даниба, дааԥхашьан, исмуӡацт ҳәа днаԥхьаны, ачара ду
еиҭеиуит. Убас ҳаҭыр иқәиҵон...
Чагә иажәақәа Ҳаҭ ианеиликаа, исҳәаз сымҳәаӡакәа
ахы сҿашәандаз ааигәахәт.
ҬАБ ЗЗЫ М Д Ы РУА
УҬАБ ИУ М ҬАН

Ҭ

аб ззымдыруа уҭаб иумҭан рҳәон анкьа. Аӡәы
дыҟоуп убас, бзиара хәыҷык изуур, ахаан ихашҭуам,
ацкгьы узиуеит. Даҽаӡәы, ацк иуртә деиԥшымзар, изууз
абзиара аӡбахә еснагь ицәырган иҳәоит, игәалашәоит.
Егьи, убзиара ацкы иуртә илшозаргьы, ацынхәра ҟасҵоит
ҳәа далагом. Даҽаӡәых, ишыжәдыруа, абарҭ зегьы ухаир­
шҭуеит: уаԥхьа дургылар – «дуқәхысуеит», ушьҭахь дургылар – шьапҿаршә узиуеит...
Чагә усҟан дқәыԥшын. Рқыҭан Хьына ҳәа ԥҳәысеибак
дынхон. Уи ахаамыхаақәа, аҵәахмахқәа еснагь илыман.
Аџьынџьыхәа, алаҳарҩа, араса, акакан уҳәа убас арым­
ӡаа. Аха урҭ ус аламала ицәырылгомызт. Заҟантә усыцхраа ҳәа Чагә длыцлырхраахьаз, цәаӷәарома, ра­шәароу­ма
зҳәаз еиԥш. Аха иара зегь реиҳа бзиа иибоз аџьынџьы­хәа

усасым ҳәа знызаҵәыкгьы изцәырлым­геит. Абриаҟара
слыцхраахьеит, ҭаб лыздырӡом ҳәа игәы иалсит Чагәгьы,
дахьирхәырцгьы иӡбит.
– Абааԥс, Хьына, алыӷәрахьы сҵәахы, сыршьырц
исышь­ҭаланы иаауеит!.. – иҳәеит Чагә ҽнак, абарҵа дны­
ҵаххын.
– Дызусҭада узшьуа?! – иааџьалшьеит Хьына.
– Саб Абрагь илаба ду кны дсышьҭоуп, сибмыршьын!..
– Иҟоуҵазеи, уара, цәгьарас, ус уздырӡомызтеи?!
– Иҟасҵахуаз... уи нас ибасҳәап, абааԥсы, уажә
сҵәахы!..
– Абна унеины алыӷәра уқәла, уа аҭуан уқәтәа дцаан­ӡа,
иԥхьакырҭоуп!
Чагәгьы уи акәын ииҭахыз, дахьықәлаз аџьынџьы­­
хәа­қәа ахьыҵәахыз ибеит, изхарагьы ифеит.
– Дабаҟоу, уара, Абрагь душьҭалан дмааӡеитеи? Улбаа!
– лҳәеит Хьына ҵаҟантә.
– Дмааӡаҵәҟьеи? Дахьхәны дхынҳәызар ҟалап. Уиоума, ара аџьынџьыхәақәа збан... Абриаҟара сааны сбыцхраахьеит, аха бсыздырӡомзаарын, заҟа бҵәахҩы бзиоузеи, ҳаи, анцәа биныҳәааит, сышԥабырҭхаџьи!.. – иҳәан,
Чагә дҩалбааԥеит.
Ашьҭахь такә анҵы, лара Хьына ишлаҳауазгьы, Чагә
дыхәмаруа алаф лылихуан, узыцхраауа ҭабуп изымдыр­
уазар, илыӷәра уқәланы ҭабуп ҵәахны иахьимоу иф ҳәа.
АҼХӘАҨ
ДШЫР ҼХӘАТӘУ

Ҷ

оутәыла, Баҭым азааигаа, аԥсуа қыҭа Анкьыса инхоз а-Ҵанбақәа ачара ду рыман. Абра Аԥснытәи
Чаҵә Чагәгьы дақәшәеит.
Артәарахьы инарԥхьаанӡа асасцәа ажәабжьқәа рҳәон.
Урҭ руаӡәк, рыгәҭа ишьамхы еиқәыршә дтәаны, иара
иеиԥш ашәарыцаҩ дшыҟам атәы далацәажәон. Ари араҟа

еицырдыруаз аҽхәаҩ Кьыџь иакәын. Уи Баҭым ӡбаҩыеиныршәаҩыс дыҟан.
Кьыџь еиҭеиҳәеит иара иеиԥш аԥсуа шәарыцаҩ ду
Ҷоутәыла уаҟәыҵ иара Аԥсынгьы дшузымԥшаауа, агыг­
шәыг зегьы дшырдыруа, ихԥша иацәшәаны абна дуқәа
рахь ицаны рыҽшырҵәахуа...
Иӡырҩуаз аӡәырҩгьы ирдыруан аиашазы Кьыџь дшы­
шәарыцаҩ ҵәгьам, аха уажәы ишахирҟьацәо, иҽхәа­шьала
дшыҽхәо, аха изыӡырҩуан...
– Уара уажәабжь иџьоушьаша хҭыск сгәаланаршәеит,
аабыкьоуп иара аныҟалагьы, – иҳәеит Чагә, Кьыџь иҽ­
хәа­ра данаалга. – Хәылԥазык сҽы сазеимдо сыԥшаауа
сын­ҭыҵит. Аԥсноуп ари ахьыҟалаз. Сышнеиуаз, абна
агә­­­ҭаны, зышьҭахьтәи зшьапқәа ирықәгыланы иааиуаз
мшәы қамса дуки сареи ҳааиҿаҳаит. Аиаша уасҳәап, са­
дыр­сызшәа саанхеит. Чагә рыцҳа уҵыхәтәы ԥҵәеит аас­
гәахәт.
– Абџьар умаӡамыз?.. – дҵааит аӡәы.
– Еигәышәгьы скымызт...
– Ассир иҳәоит, уара!
– Нас, нас!.. – иџьаршьеит иӡырыҩуаз.
– Нас, аӡ иаго аҭәыцгьы дахьынҳалоит шырҳәо еиԥш,
сахьгылаз сыҳәҳәеит, ааит, ақамсажә, усылакьысырц
игәаӷьны уааины сымҩа ушԥангылои, унаскьа акәымзар,
абыржәыҵәҟьа сцаны уцәгьа Кьыџь иасҳәоит ҳәа... Уаанӡа
уӡбахә саҳахьан сара, Кьыџь.
– Аа, уанаџьалбеит, иоумҳәан, иоумҳәан, мамзар сишьуеит! – аҳәан, илеизҟәаҿын ибыбит сымшә, иагь­ҩы­
шьам­хнышгылеит. Нас иҩаҵҟьан хыла абна иласны ицеит.
Изхысҳәаауа, Кьыџь иеиԥш ашәарыцаҩ дабаҟоу, иара иҳәан
еиԥш, Аԥснытәи агыгшәыгқәагьы дырдыруеит... – иҳәеит
Чагә.
Ари заҳаз неибарччеит.
Ас еиԥш иҟоу алафҳәаҩ имакра аԥсам игәахәзар акә­
хап, Кьыџьгьы иччоз днарылаччеит.

ТӘАМБА УЗЫ ЗУА,
ТӘАМБА ИЗЫ ҞАҴА

Ҷ

аралаа ҭуџьарцәан, Уачамчыра рхатә крыфарҭа­
гьы рыман.
Чагә Уачамчыра дахьааз такәы данаанха, абри ак­
рыфарҭахь иҿынеихеит.
– Иахьа убра сасык дсыман снеин, – иҳәеит Чагә иааи­
ԥылаз Амҷы Шҳангьари, – иахәҭаз аҟара адыргылан ис­
цәигеит, уи а-Ҷарал. Исҳәооз, асас дсыцын, сыԥхашьан
ҿысымҭит, исзымдырыз џьишьазаргьы ҟалап, аха...
Чагә ибжьы рмаҷны Ашҳангьари акы наиеиҳәан, аҩы­
џьагьы уахь акрыфарҭахь еиццеит. Уа иахьнеиз афатәажәтә аарган астол инахатәеит.
– Уаа иҭабуп, Ашҳангьери, Амҷаа чеиџьыкауаауп, сурчеит, учеиџьыка азҳалааит!.. – ибжьы рдуны, а-Ҷарал
иаҳартә еиԥш, даацәажәеит Чагә, иҩагылан, ԥара мшәа­
ӡакәа, ицарц рҿанынарха.
– Изшәода, уара, ари?! Узхиаҭабуазеи, аӡәгьы имшәа­
ӡеитеи? Ус иауама?!. – иџьеишьеит а-Ҷарал.
– Ус иамуазар, иахьа ари ауаҩ ара асас диман дануҭаз,
дынхаҩуп, издыррым ҳәа, аҩынтә хәы ицәугеит, ус иауазар, ас замуазеи?!. – иҳәеит Чагә.
Чагә дыздырыз, насгьы Ашҳангьари изиуз замха­
цәгьахаз а-Ҷарал ҿимҭӡеит.
– Тәамба узызуз, тәамба изыҟаҵа, – иҳәеит Чагә амҩан.
– Убри аҟаҵашьоуп аус злоу, – иҳәеит Ашҳангьаригьы.
АМҴ АҚЬАҚЬАҨ
И ШИАЦӘАЖӘАТӘУ

Гә

лыи24 Есыф иааиқәшәан дыԥсит. Даныржуаз
аҽны, хар змамыз ажәлар рацәаҩны еизеит.
Аԥсуараҿы ишацу еиԥш, ҵәыуара иааиуаз неины
иԥсыз иҭаацәа, изгәакьацәа ирыдашшылон...
Гәлеи рҳәон, Гәлы ҳәагьы, Гәылгьы.

Иԥсыз игәакьацәа руаӡәы ақалақь аҟны амаҵура бзиа
дахагылан, дуаҩ дуун. Убри иакәын аиҳарак ҵәыуара
иааиуаз амаҵурауаа здашшылоз. Баӷыр ҳәа иҵәыуаны
иаақәҵыз сасык абри днаидгылан, иреиӷьу жәа ҟәандала
сидашшылап иӡбызар акәхап, ус иҳәеит:
– ...Иаха шәыҩны сеиԥхыӡуан, ибааԥсыз ԥхыӡк збан...
Анцәа иџьшьоуп уи ахьыҟамлаз, еицәаз ҟалар ауан...
Баӷыр ицәажәашьа ус аанагон Есыф иԥсра уиаҟара
игәаҟрам, избанзар, иара иаха ԥхыӡ абри аҩнаҭа иадибалаз егьи агәаҟра ду ҟамлаӡеит ҳәа. Ари аҩыза ԥхыӡ ҳәа акгьы имбаӡеит Баӷыр, аҩнаҭа, ишырҳәо еиԥш, агәырҩагьы
дагаӡомызт уиаҟара, аха абас дызцәажәоз даҽакын – ауаа
дуқәа рҿаԥхьа амҵақьақьара мыжда идыруан.
Чаҵә Чагә абра аԥсраҿы дыҟан, аиуара рыман. Ҷан
Кәагәи иареи ахьеидгылаз, шьҭа исабимыз Баӷыр ииҳәаз
аниаҳа, даацәажәан:
– Уажәы ҭагалануп, быӷькаԥсан аԥхыӡ акгьы аздырам,
рҳәоит. Мшәан, Баӷыр, уара уакәмыз абри жәаха ҽнак
исазҳәоз?! Ишԥауханаршҭи, агәырҩагьы ушԥанаргеи,
угәнаҳа ақәшәааит уи аԥхыӡ!.. Сгәы уалоуп, – иҳәеит.

АУАЛ
ШЫЛХТӘУ

Б

ираҟ Кьаҿ Ҭхьынатәын. Уи дӷарны дынхомызт,
уалгьы идирхалартә еиԥш дыҟамызт, аха ашәара
ицәымӷын.
Ҽнак зны зуал иқәыз аӡәы иара иҟны днеит. Уи ахәш­
ҭаара дхаҟәӡа длыҽҳәатәан, ишәықәу стәы аасышәым­
ҭакәа џьаргьы сцом, иҳәеит. Ишамуаз аниба, Бираҟ
Кьаҿгьы даахәыцит, нас, имаз аԥарақәа дрыламкьыскәа,
инықәыршәны бзиа иидыруаз Чаҵә Чагә иахь дцеит.
– Суҳәоит, Чагә, жәа-мааҭк сырԥсах! Исымамкәа аҩ­
ныҟа хынҳәышьа сымам... суҳәоит!.. Мызкы аҿҳәара сыҭ,

заа исырхынҳәыргьы ауеит. Схаҭа снапала иузаазгоит...
абра, абри аҽны!.. – иҳәеит.
Чагә идыруан Бираҟ Кьаҿ ауалшәара бзиа ишимбоз,
аха, дааԥхашьан, аҵыхәтәантәи ижәамааҭк наган инаииркит.
Мызк ҵит, даҽакгьы ҵит, даҽакгьы, аха Бираҟ Кьаҿ
дыҟамызт. Хәымз ианырҭала, Чагә ихаҭа амҩа иланир­
шәлан хар змаӡамкәа инхоз Бираҟ Кьаҿ иҟны дынкылсит.
Бираҟ Кьаҿ, ашҭа иааҭалаз Чагә даниба, ашьҭахьтәи
ашә ала ддәылҵны иҽиҵәахит. Иԥҳәыс Чагә днеиԥылеит.
– Бираҟ аҩны дыҟами? – дҵааит Чагә.
– Аԥшәма дыҟаӡам, жәлаагара дцеит...
– Ҭагалан ҳҭалеит шьҭа, ажәла иазиуазеи?!
– Ҳҭалазаргьы... абысҭа лаҳҵарцноуп, нас аҽаҩра ду
ҳауп, иаҳҭиип, иаҭнаҳхуа иаахыхны утәгьы науаҳҭап! Ҳа­
ра ҳхаҭа уҩны иузнаагоит!.. – лҳәеит.
«Лхаҵа иаасҭагьы даҩысҭаауп...» – игәы иааҭиҳәааит
Чагә, дагьамхаччеит.
Аԥшәмаԥҳәыс гызмал, Чагә дзырччаз шылдырыз
аҟа­рагьы, ҽырзымдыр ҟаҵаны, узырччазеи ҳәа днаиаз­
ҵааит.
– Уажәы шәара абысҭа лашәҵоит, аҽаҩра ду аашә­
рыхуеит, ишәҭиуеит, уи ашьҭахь иаҭнышәхуа аҷҷа­ҳәа
ицәажәо жәа-мааҭк аахыхны сџьыба инаганы инҭашә­
ҵоит!.. Абарҭ зегьы заҟа лассы иҟалоз анаас­гәалашәа,
сгәы иахәан сарччеит... Иҭабуп! Амала уажәы уахь снеи­
ны быԥшәма дааиаанӡа сизыԥшуеит, стәы соуаан­ӡа
сахьтәоу сгылаӡом ҳәагьы иасҳәоит! – Чагә дыԥш­разы
аҩныҟа днеиуа ус нациҵеит: – Мамзаргьы абри илашә­
ҵо шәбысҭа ҟалаанӡа џьаргьы сцаӡом, ссасны сышә­
ҭазаауеит!
Бираҟ Кьаҿ иуал ишәар акәхеит.
«Ууал ылухырц уҭахызар, Бираҟ Кьаҿ иумҭан», – иҳәеит
Чаҵә Чагә.

АХАМАԤАГЬАРА
АҬАК ШЫ ҞАҴАТӘУ

Ч

аҵә Чагә данқәыԥшыз Маан Хәыршьыҭ иԥҳа Тыта
ҳәа аӡә дигәаԥхеит. Урҭ а-Маанқәа Гәдаҟәа25 инхон.
Иаргьы абрахьтәи аган ашҟа аҽыҵгақәа ҟаҵаны дцақәеит,
аха ус длацәажәаратәы еиԥш дзыҟамлеит.
Ҽнак Чагә аҽы дашьҭоушәа Гәдаҟәа дцеит. Тытараа
рааигәа даннеи, аҽы дашьҭоушәа днаԥшы-ааԥшуа, лара
лыда аҩны аӡәгьы дшыҟамыз аҟара еилиргеит.
Тыта илдыруан Чагә дшигәаԥхоз, аха нхаҩык иԥа иццара лхы иаҭәалшьомызт, лҭаацәагьы ирурымызт.
Чагә аанда давалан дшааиуаз, ашҭа иқәгылаз аҵла ду
ашәшьыра иҵатәан зыԥсы зшьоз Тыта данаалымаиашаха, иҽы аӷәра наҿеикшан, даангылеит.
– Уа мшыбзиақәа!
– Бзиа убааит, Чагә-ҩацә! – лҳәеит аҭакс. – Иуцәыӡзеи
арахь ҳара ҳашҟа умҳәои?
– Абзиара ианиалаша, Тыта-лаша! Ҽан мырхәац хәы­
ҷык сцәыӡын, сашьҭан, цәгьалаҵәҟьа ихамаԥагьоуп, аб­га
ирфар ауеит, избом. Исԥылаз ҽыуаҩык абра шҭак ашә­
шьыраҿ иахьыҵагылоу убоит иҳәан... Издыруада са стәа­
кәзар ҳәа убри акәын сзышьҭаз... – иҳәеит Чагә аҭакс.
АГӘ ЫЛА ҲАРАМ
ДШАХЬЫ РХӘТӘУ

Ч

аҵә Чагә сасцәак иҭааит. Еснагь дара рышҟа дцозма, иара иахьгьы имаауаз. Днарԥылан аҩныҟа
ианнеига, шьтәак рзишьразы иӡбит. Аха ашьтәа игәыла
Суҟадла иакәын измаз, иара имамызт.
Исасцәа анард иасуанаҵы, иара Суҟадла иҟынӡа
днабжьыҵәраан, абас абасоуп, аԥаразгьы уажә сеиԥшым,
нас иусҭап ҳәа наиеиҳәеит.
Гәдаҟәа – Гәдаа ақыҭа (иахьа Гал араион иаҵанакуеит).

Суҟадла уаҩ беиан, аԥсаса рацәаны изанын. Аха Чагә
ииҳәаз игәамԥхазт, аҽыҵгақәа ҟаҵаны, мап ицәикит.
«Мап сцәумкындаз, ҩымш рыла аҩынтә хәы усҭон...», –
иҳәеит Чагә, аха Суҟадла имап дахымԥеит.
Чагә ишԥаҟаиҵоз, даахынҳәын, Лыхнынтәи асасцәа
иҭааз ицәҵыс лкажьны ирзишьит.
Ианааилга, адырҩаҽны Чагә иҽааибиҭан, Кьынтрышә
ҳәа иидыруаз аӡә иахь дцеит. Уи омак ихарамызт, даҽа
қыҭак аҟны дынхон. Чагә дахьнеиз Суҟадла изиуз аҭоурых
иеиҳәеит. Кьынтрышә ӷьычҩ дуун, изцәигозгьы ауаа беиа
каҷбеиқәа ракәын.
– Ибзиоуп, Чагә, – иҳәеит Кьынтрышә, – Суҟадла да­
хьырхәхоит...
Абри аҩыза ацәажәара ашьҭахь мышқәак иреиҳам­кәа
ицахьан еиԥш, ҽнак Чагә ила аху-хуҳәа ишуа аӡәы даа­кит.
Чагәгьы агәашә аҟны днеизар, Суҟадла деихашәы дгы­
лоуп.
– Иусмыраахәоз сышьтәа ыӡит, иугәалашәома?.. Џьара
бгақәак иргазар сҳәан, абна зегь еимыздеит. Аха иреицәаиреиҳаны шьҭак сымбеит. Ирӡеит ауп иаанаго... Издыр­
уада, уара, Чагә, џьаракыр иубазар?
– Исымбаӡеит... – иҳәеит Чагә. – Исураахәазҭгьы ус
ҟа­­лозма, уфеидамхоз... Ыы, уџьмақәа ухьча дрыцми, ас
шԥа­ҟалеи?! Хьча бзиоупеи, имбаӡеи?!
– Уи сыздырам, аха сышьтәа ашьҭа ахьыҟоу уара иу­
дыруашәоуп сшыҟоу. Уара уакәмыз изҳәоз, ису­мыраа­
хәар, атәымуаа иртәхап, иухаҳарым ҳәа?..
– Ҩынтә исыҭ ҳәа ануасҳәа, мап аҩынтәгьы ианук,
сгәы ԥжәан исҳәеит, уҭахызар Аныха ҳҳәап...
– Ахәмарра – хәмарроуп, аха Аныхахь ацара уқәшәа­
ҵәҟьоит сышьтәа ашьҭа ҳәа акгьы шузымдыруала... Уиазы угәы иалымсын!.. – иҳәан, дҩахынҳәын аҩныҟа дцеит
Суҟадла.
Адырҩаҽны ахәылԥаз Суҟадла ҩыџьа ауаа Чагә изааи­
шьҭит Аныхахь днеины, ишсаҳауа, сышьтәа згаз ҳәа
аӡәгьы дшизымдыруала дқәыроуп ҳәа. Иааз ирҳәеит уа­

ҵәы Суҟадла Елырҟа дышцоз, абригь-абригь аамҭазы
Чагәгьы днеиааит шиҳәаз, даргьы шаҳаҭцәас уахь иццараны ишыҟоу.
Чагә дақәшаҳаҭхеит.
Адырҩаҽны, абригь-абригь аамҭа захьӡыз азы, Чагә
игәыла Ԥлыи Шьханыҟәа дицны Елыр днеит. Суҟадлагьы
иара итәқәа ицны уа днеины дыԥшын.
– Уаа зегь зылшо, Аныха! – дналагеит Чагә ақәра,
ишаԥыз еиԥш Аныха аҿаԥхьа ишьамхы арсны, – Суҟадла
ишьтәа сара изгаз, мамзаргьы изгаз ӡәыр дыздыруа
џьишьоит. Иаҳҳәап, изгаз ҳәа ӡәыр дыздырӡозаргьы, абри
игеит ҳәа иара иеиԥш иҟоу аҳарам иаҳәатәума? Асас­
дкылара ҳара ҳзы иуалԥшьоуп, асасцәа ансзааи ишьтәа
симҭеит, уи аҩыза иҵегь шимазгьы. Сара аҩынтә хәы
исҭон. Абри азы дахьырхәтәӡами, сара исанажьтәӡами,
изгаз дыздырӡозаргьы?
– Жәбома ииҳәо!!! – дыҳәҳәеит Суҟадла.
– Ԥшьала, уара, уи нас иуҳәап, иара даналгалак! Уажәы
зегь зылшо Аныха дацәажәоит... Ус умҳәан, ҵасым!.. Ара
дыҟоуп, дабацои, ҳаизыӡырҩлапи!.. – иҳәеит адикәан,
Суҟадлагьы иҽааникылеит.
Чагә Аныхахь ихы рханы деиҭаналагеит:
– Исхарам ахара ахьсхареитәуазы, суҳәоит, зегь зылшо Аныха, ицәыӡыз еиԥш иҟоу ҩажәижәаба хы аасим­ҭар,
мызк ахала-аҵыхәала уихарахаразы! Сара уара уҿаԥ­
хьа сықәуеит ишьтәа шысымгаз, изгаз дарбанугьы шыс­
зымдыруа... Иара иакәын егьырҭ рышьтәақәа зӡоз! Амц
сҳәозар – усхарахааит, сиашазар – улахь иоуны, деи­лаԥ­
сааит!
Ари аҩыза анраҳа, Суҟадла ицқәази иареи шәеит:
– Уара ари иакәӡамеи изгаз!..
– Изӡаз ҳәа ӷьычҩгьы диздырам!..
– Чагә ус шԥаҟаиҵоз, џьоушьҭ!.. Уеилагеит!..
– Акыр здыруоу, ус акәзар амызк нҵәаанӡа ҩажәи­
жәаба хы сықәшәеит, мамзар ихәарҭахом... – иҳәеит Су­
ҟадла ҳарам дшәаны, ихәижьгьы қақаӡа иҩеилагылт.

Абри ашьҭахь, хԥаҟа мчыбжьы ааҵхьан еиԥш, Суҟадла
ишакәым ихы ибо далагеит. Адырҩаҽны, ҩажәижәаба
шьтәа раԥцаны, хҩык Чагә иашҭа иааҭалеит. Урҭ шааиз
еиԥш, Чагә иаԥхьа аҳәара шьҭарҵеит амызк нҵәаанӡа
Елыр дцаны Суҟадла Аныха дамихразы. Мамзар, рҳәеит
дара, деилаԥсар ҳәа ҳшәоит...
– Шәара шәаҳаҭыр аҟынтә сцоит, – иҳәеит Чагә, – мамзар сақәшаҳаҭхомызт... Арҭ Суҟадла итәқәа роума?
– Арҭ ҳамҭас иузааиҭиит, ара ҩажәижәаба хы ыҟоуп,
рызегь рыцқьоуп.
– Жәаба шәырхынҳә, уахь изыжәга. Хәба шәара ишәы­
маз, уажә ижәга, ишәысҭоит. Иаанхаз сара исызхоуп, –
иҳәеит Чагә.
Убарҭ иаанхаз ажәохә хы рахьтә хәба роуп иара иникылаз, егьырҭ ажәаба ананамгацәа ириҭеит.

И УАҨЫСҬААУА
УИАҨЫСҬАА!

Кь

амтыт аҩысҭаак иакәын. Ахӡыргара, аҽхәара
бзиа ибон. Акаҷбеирагьы ицәыхарамызт.
Чаҵә Чагә абас иҟақәаз алаф анрылихуаз игәы иахәон.
Уажәы Кьамтыт иҟны даннеи, акгьы мҳәаӡакәа дцозма.
Ишаԥу еиԥш, аԥшәмаԥҳәыс днықәгьежьаан рхәы ҟал­
ҵеит, рыԥхь ҟалҵеит, даргьы акрыфо инеидтәалеит.
Бзиа рхәы ааԥырҽхьан еиԥш, Кьамтыт ус ҿааиҭит:
– Ҟаҳ, Чагә, камбашьк аҟараҵәҟьа сфеит!.. – ҳәа.
Ас заҳаз Чагә иауимдырхуаз уи иаанагоз. Акры бзиан
иуҿасҵеит, иубома сара сзакә уаҩу ҳәа акәын. Шьҭа акрыфара уалгаргьы цәгьам, иумҵо ажьҵаа зегьы умфаргьы
ауеит ҳәа абригьы аанагон.
– Кьамтытхеит, шәа шәахь акамбашьқәа хәыҷызаап! –
иҳәеит Чагә аҭакс. – Сара батк аҟароуп исфахьоу, макьана
сабаҟоу!

НАРЦӘ Ы Н ТӘ И ААУА
ШИԤЫЛАТӘУ

Ч

агә Уачамчыра аџьармыкьа аҟны аԥш иҭиуан. Ра­
цәак дымхәаахәҭыцкәа, изымдыруаз ԥҳәыск дааин
дааидгылт.
– Џьара узбахьоушәоуп сшыҟоу, узԥада? Иухьӡузеи? –
дҵааит лара.
– Абрагь Чаҵәба сиԥоуп, Чагә сыхьӡуп... – иҳәеит.
– Аҩны шәышԥаҟақәоу?
– Хара ҳамам, ҳаԥсқәа ҭоуп, иҭабуп.
– Ҳаи, заҟа Абрагь уиеиԥшузеи, дышԥаҟоу, уара, иара?
Аабыкьа дызбон, асалам сызиҭан сыӡбахә иаҳәа.
– Асаламгьы исҭап... Аабыкьа дыббаҵәҟьозма?!.
– Аиеи дызбон.
– Нас дышԥаҟаз?..
– Хар имаӡамкәан дыҟан!..
– Дихеит, сара саб дызжижьҭеи ԥшьышықәса ҵуеит,
аабыкьа дыббозҭгьы нарцәынтә баазар акәхап? – на­леи­
ҳәеит Чагә, ҽыргәыԥхә ҟаҵаны хә-мариала аԥш имзыхә­
ҳарц зҭахыз аԥҳәыс гызмал.
Ари заҳаз ажәлар ааибарччеит, аԥҳәыс ҩысҭаагьы наҟ
днарылашәкәеит.
«Нарцәынтә иааз дубарц уҭахызар, аҭитә уман аџьар­
мыкьахь уца», – иҳәеит Чаҵә Чагә.
АЦӘАҨА ҶЫ Д А
ЗМОУ ДШ АҞӘЫ ХТӘУ

А

цәаҩа ҷыда рҳәоит. Уи ацәгьарахь ирханы иуҳәар­
гьы ауеит, абзиарахьгьы. Аха ацәгьара иаҳа иатәуп.
Убас ацәаҩа ҷыда, ашьцылара ҷыда змаз Мыдица
Едгьац ҳәа аӡәи Чаҵә Чагәи ашьха еицыҟан ашықәсан.
Зны шәарыцарантә ихынҳәны Шьоудыд Ахаҳә Ду ҳәа
иа­хьашьҭоу ианааи, ихарамкәа ҭыԥк гыланы рбеит. Акы
инацҳаргьы рҭахын, аҭыԥ ашҟа инеит.

Аҭыԥ ҩыџьа абырзен еишьцәа иртәын. Урҭгьы арахә
рыман ашьха ихалан игылан.
Арҭ аннеи, руаӡәк аҭыԥ дахын, аха аԥсшәа изҳәомызт,
хар амамкәа аԥсшәа здыруаз егьи иашьа арахә иман
дгәарҵхьан.
Аԥсуаа реиԥш ичеиџьыка бзиан ари абырзенгьы.
Исасцәа ҳаҭыр рықәиҵеит, ашьхашә рзиххит, џьам дук
џьам дук рызна аџьма хырҵәы рымҵаиргылт.
Акрыфара иантәа, абраҟагьы Едгьац иҟазшьа аацәы­
ригеит: уи сасра дахьнеилакгьы, ахырҵәы анимҵа­дыр­
гылалак, хәыҷык аахырымхкәа ифаӡомызт, уиаҟара сзыфом, ирацәацәоуп ҳәа ирадхирхуан, уаҳа иуамызт. Ари
иҟазшьа иара иуаҩра ҳаранакуазшәа, иаҳа дуаҩаԥсуазшәа
дҟанаҵоз џьишьон. Уаҟәыҵ, абри ҽеим ҳәа Чагәгьы иҳәа­
хьан, аха Едгьац уи дазыӡырҩуамызт.
– Ариаҟара ахырҵәы сзыфом, Чагә, хәыҷык иахсырхроуп, ишԥаиасҳәари? – дҵааит Едгьац. Чагә абырзен быз­
шәа цәгьамкәа идыруан, Бырзентәылагьы дцахьан.
– Валеме қиало қсигала26 ҳәа иаҳәа!.. – илымҳа дын­
ҭахәыҭхәыҭит Чагә аҭакс.
– Валеме қиало... қсигала!.. – иҳәан Едгьац, иџьам ду
аԥшәма иахь инаирххеит. Абырзен ари аниаҳа, дааццакын иџьам ааимихын, даҽа кәапеи дук лахеиҭәан уаҳа
назымкыхуа иааган Едгьац иааимҵаиргылт.
– Ҳаи, сышԥоушьи, Чагә, аҩсҭаа уихәхааит!.. Ариаҟара
џьма-харҵәы сфар нас сышԥаҟанаҵои?! – иҳәеит Едгьац,
джьаны исзахаҭәа ҳәа ахьиирҳәаз азы дизгәааны. – Исзымфозаргь убап!..
Знык исзахаҭәа аниҳәа, иахых ҳәа шьҭа аҳәара хьым­
ӡӷишьеит Едгьац. Аԥсуа ҵасла ишаԥу еиԥш, ахырҵә хәыц­
хагьы аныжьра ԥхеишьеит. Убри аҟынтә иџьам ду ҭар­
цәны, аккаҳәа абжьы го инықәиргылеит, деихеигәогьы
дҩагылеит.
Ҳашәарыцаҩцәа хынҳәны Силаҳ Иԥсҭа игылаз рҭыԥ
аҟны ианнеи, Едгьац убас еиԥш мгәала ист, ахааназ
Валеме қиало қсигала – ахарҵәы сзахаҭәа (абырз.)

ихамышҭратә еиԥш. Убри инаркынгьы абри ицәаҩа ҷы­
да каижьит.

АБЖЬАХӘААХӘҬЫ Ҩ Ц ӘА
ИШРАЦӘАЖӘАТӘУ

Ч

агә аџьармыкьа аҟны асаранџь цха иҭиуан. Ус ҩы­
џьа уаа ҽеилаҳәақәак неины инаидгылт.
– Ари ацха абантәиу?
– Гәыԥ Аԥсҭантәи иаазгеит, саргьы убрахьтәиуп, Ча­
ҵәқыҭ сынхоит.
– Иухьӡузеи?
– Чагә сыхьӡуп, с-Чаҵәбоуп.
– Уара, Чагә ҳәа зыхьӡ рҳәо алафҳәаҩ-ахьӡыртәҩы уара
уоума?..
– Сеидроу...
– Ҳаи, ауаа урдыруеит, ара аџьармыкьаҿ ацха шԥоу­
ҭиуеи, узбо рҟынтәигьы ԥхашьарами!.. – рҳәеит, иааи­
лацә­ҟәын. – Ҳара иҳаархә, еидкылан!
Чагә арҭ иацәажәоз, реилацәҟәра иара изгәамҭо ды­
ҟазма, рцәажәашьақәа рыла, ишыбжьахәаахәҭыҩцәаз
иды­рит. Урҭ абра абас мариала иаахәан, нас иацҵаны ир­
ҭиуан.
– Уара, уа шәиашоуп, аха абри сара ак сзеилымкааит...
– иҳәеит Чагә.
– Ыы?
– Ара иузеилымкаауа ҳәа крыҟахума!.. – рҳәеит.
– Абри, сара бзиа, ацхаҭира саҭәашәымшьозар, шәара
хазынақәа шәааины ацхаахәара шәхы излаҭәашәшьа­
зеи?! Нас иацҵаны иагьзлашәҭиуазеи?! Убри ауп исзеилымкаауа.
Абжьахәаахәҭыҩцәа ргәы иҭаз шрыҵидырааз анырба,
иҩықәгьежьаан ицеит.

УХЫ
УШАХЦӘАЖӘАЛ АШ А

Л

ыхны иуацәа баны Чаҵә Чагә аҩныҟа даауан.
Амҩан шьҭа крысфандаз анигәахә, имҩаԥыхьа
игы­лаз аԥацхахь дымҩахыҵит.
Аԥшәмаԥҳәыс, аиҿамсқәа дреиуамызт, дмыццакӡо,
лысас аӷаџҳәа диацәажәо акәын ихәы дшаҿыз.
– Иџьашьатәымыз, еилкаазар!.. – ибжьы рдуны даа­
цәажәеит Чагә, дыԥшны дыштәаз игәы анԥҵәа.
– Иарбану еилышәкаауа, иџьашьатәу?!
– Абра сыԥшны стәазаахыс адунеиаҿ заҟаҩы амла иаганы иԥсхьадашь, анаџьалбеит? – иҳәеит. Нас, ус нациҵеит:
– Амла иамкуа ӡәыр дҟаларушь абыржәы?!. – ҳәа.
Асас ииҳәаз еилызкааз аԥшәмаԥҳәыс дыццакыр
акәхеит.

VI
ЧАҴ Ә ЧАГӘ И
АЛ АФҲӘАҨЦ Ә ЕИ

ЧАҴ Ә ЧАГӘ И
АШӘ Ы ҬАМШ Ь Ы ГӘИ

Ч

аҵә Чагәи Ашәы Ҭамшьыгәи еиҩызцәа бзиан, еиц­
ныҟәон, иаиааиуа ҳәа еизгәдуны алаф еибыр­ҳәон,
ихәмаруан.
Ҽнак зны Џьгьарда Ашәы Ҭамшьыгә иҟны Чаҵә Чагә
дынҽыжәҵит.
Ҭамшьыгә дгәырӷьаҵәа иҩыза диԥылан, аҩныҟа дна­
ган асасеишәа изирхиеит: гәыблаа жыцәк азна акәац жәны
абысҭа ашәхаҩасақәа алаҵаны иааган иаақәиргылт, ԥҳалк
азна акаҷыҷ ҩгьы аарываиргылт. Нас хәа-ҵәцак дрых­ны­
ҳәан иааижәын, Чагә иаԥхьа иқәыргыло, ус иҳәеит:
– Саб сиԥам сара, Чагә, уасмыршьуазар!.. Абра сас­
цәак­гьы сҭан, аха, иццакуазаарын, маҷкоуп иржәыз. Иаԥ­
саз ҳәа рацәак акгьы сзыдмыржәит, жәабаҟа роуп, ишубо
иагь­сылымсит...
– Уаламгандаз, Ҭамшьыгә, абри аҩыза, иаҳа еиӷьын,
Чагә ихала ԥҳалк ижәуеит! Ҩыжәрала уи узииааирым,
уи адагьы уара асасцәа ирыцужәуан. Иаҳа еиӷьуп даҽак
ухәыцыр, лафҳәарала, хәмаррала усас сиааиуеит ҳәа уалагар! – иҳәеит Чагә, нас, аҵхарпа ижәуашәа, инеишь­ҭар­
гыланы аҵәцақәа рыхәбагь акараҳәа иааҭар­цәны ины­
қәиргылт.
– Аиаша уҳәозаргь ҟалап... – маҷк даахәыцшәа днақә­
шаҳаҭхеит Ҭамшьыгә, нас даҽа хәба ижәын ииҭеит. – Уара
умыццакын, Чагә, арҭ ыжәла... Иԥшӡам, ус иаԥым умала
аишәа уахьадсыжьло, аха агәыларнӡа снабжьҟьоит, сыԥ­
шәма уа дыҟоуп, аа, аброуп. Даазгоит, аҩы уалмыршьуазаргь убап!.. Дузаршьыр, уфырхаҵоуп! – иҳәан, Ҭам­шьыгә
дындәылҟьеит.

Чагә, ихала аҩыжәра далагозма, иаҵәцақәа иаԥхьа
иқәыргыла, дыԥшны даатәеит. Дтәоуп, дтәоуп, дтәоуп,
аха Ҭамшьыгә дыҟам! Дыштәаз игәы анԥҵәа, насгьы
Ҭамшьыгә сжьаны џьара цәиккрак ихәыцзар ҟалап ҳәа
игәы ианҭашәа, дыҩдәылҵын ибжьы рдуны ҿиҭит, аха
аӡәгьы дыҟам!
«Иусырбап сара, Ҭамшьыгә, асас ихала аишәа даджьылан абналара зеиԥшроу!..» – игәы иааҭиҳәааит Чагә. Нас
ашәшьыраҿ ацәа зҽаҭан ииаз ала-мура дуқәа, уажә дырбазма, даарыԥхьан, Ҭамшьыгәи иареи асасеишәа иахьа­
хатәаз, иныҩнаҵаны ашә лаиркит. Иаргьы дыҩҽыжә­лан
имҩахь, ақыҭа агәы шыҟаз иҿынеихеит.
Маҷк данынаскьа днаԥшызар, ицырцыруа кәалаԥк
ам­ҩа агәҭаҵәҟьа ианыршәлоуп! Дааҽыжәҵын иаашь­
ҭи­хит. Нас иҽы аӷәра убраҵәҟьа амҩа иаҽԥынгылаз ҵла
ха­чақьак амахә инахаиршәын, иара наҟ абнарахь дныла­
леит...
Даалҵызар, ассир, иҽы аӡәы дақәтәаны ацара даҿуп!
– Ҳаи, уара, уарбану аҽны шьыбжьон сҽы зго! Анцәа
иныс, уанаанымгыла, убӷа ишаласырҟацо! – ҿааиҭит Чагә.
– Шьапыла усышьҭал, Чагә, шьапыла! – иҳәеит аҽы
иақәтәан инеиуаз, даахьаҳәын. – Аусҳәарҭаҿ ҳаннеилак,
иумаскуама, наҟ иусҭоит, – Чагә Ҭамшьыгә дидырит. Уи,
иакәзаарын амҩа акәалаԥ аныршәлан зыҽӡаны итәаз.
Ҭамшьыгә идыруан Чагә, аԥшра игәы анԥнаҵәалак, аҩны­
ҟа дышдәықәлоз, апортсигар анибалак дышҽыжәҵуаз,
дан­ҽыжәҵлак, жәа-ҵәыҵак зыжәхьаз наҟ днылаларгьы
цәгьа имбо дшыҟалоз, акыс ара иманшәаларҭан...
Ҭамшьыгә дҽыжәланы, Чагә уи дишьҭаххны, уаангыл
ҳәа ибжьы иқәырго ицонаҵы, нахьхьи Чагә иҩнеикыз
ала дуқәа акәац ааимаркын еибафеит. Аишәа хдыршәҭит,
асаанқәеи аԥҳали ԥырҽит; аҩы икаҭәази алақәа ахьеибафоз ршьапхыц иҵдырппыз анышәи аҭлаҩа ҭырҟьан
аҭыӡқәа дырхәашеит... Ҭамшьыгә иакәзар, уи иалиды­
раауаз. Чагә иҽы дақәтәаны саиааит ҳәа, дгәырӷьаҵәа
днеиуан.

Абас арҭ аҩыџьа еишьҭагыла аусҳәарҭаҿ ианнеи, ара
ду игылаз иамҵатәаз рҿаԥхьа Ҭамшьыгә дааҽыжәҵын,
иааира дук згаз аӡә иеиԥш дгәырӷьаҵәа, ишьҭалан шьапыла иааиуаз Чагә ус наиеиҳәеит:
– Аа, Чагә, уҽы, анцәа иугимырхааит! Ҩыжәрала узсиааиуам, лафла, хәмаррала усацлаб умҳәаз?! Суахәмарын
суацлабит. Сануацлаб уаҵахеит, усышьҭалан шьапылагь
уааит. Шьҭарнахыс, Ашәы Ҭамшьыгә дахьтәоу, убжьы рду­
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 09
  • Büleklär
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3683
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2262
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3647
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2302
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3613
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2244
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3620
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2215
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3759
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2132
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3664
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2356
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3624
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2328
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3581
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2231
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3571
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2300
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3607
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2337
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3713
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2050
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3648
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2222
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3623
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2146
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3575
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2293
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3607
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2334
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3619
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2391
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3607
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2412
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3723
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2182
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 19
    Süzlärneñ gomumi sanı 3737
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2236
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 20
    Süzlärneñ gomumi sanı 3771
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2323
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 21
    Süzlärneñ gomumi sanı 3737
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2374
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 22
    Süzlärneñ gomumi sanı 3663
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2239
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 23
    Süzlärneñ gomumi sanı 3428
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1451
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 24
    Süzlärneñ gomumi sanı 3327
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2515
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 25
    Süzlärneñ gomumi sanı 3771
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2148
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 26
    Süzlärneñ gomumi sanı 3728
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2106
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 27
    Süzlärneñ gomumi sanı 553
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 422