Latin

Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 05

Süzlärneñ gomumi sanı 3759
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2132
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Ашәы Ҳабыџьи Кәтол инхоз Бебеа Кәаҭеи рыда. Урҭгьы
жәабжьҳәаҩ, ҭоурыхҳәаҩ дуқәан, Еҵәаџьа, Еҵәаџьын,
Ахажә, Аҳажә ҳәа убас убарҭгьы еиҭарҳәон. Сабду Нарықь
ари анырзеиҭеиҳәоз ҳаешьаратәқәа зегь ыҟамзи, аха
саб Бақа иеиԥш иҭкааны ус иргәалашәомызт Елызбар
ида. Уиаахыс иҵӡозеи, аха ари аӡәгьы иасымҳәацызт,
шьҭа уара шәҟәык иануҵозар акәхап, агәра зымгацәо

ҟаларгьы, акәзааит. Ус шакәугьы, уажә ицәырган изуас­
ҳәо уиоуп, Ҳаҭла, Ҳатла – иахьатәиала иуҳәозар, Амери­
ка Еидҵоу Аштатқәа рҳәынҭқарра – ажәҩан ашҟа, аӷ­
ныжәҩан ахь идәықәнаҵаз амҩаныза шнеиуаз, Сатурн
ҳәа изышьҭоу адунеи, апланета, жәытәла иуҳәозар, аха,
аӷа ианахыԥраауаз уи ахы шәы, ԥҭа ахымызт, иаартын,
ишгәаҩаз, аҭоуеиҳәҭда дуӡӡа шамаз гәанаҭеит, ахыха
амоуп.
– Хыха, Хыха(жә) ҳәа ажәытә хьыӡгьы ыҟами... Амала жә аҵәахроуп – абазақәа, ашәқәа рҟны ибзиахәуп, аха
аԥсуаа ҳҟны уаҩ даргәааргьы ауеит...
– Изхысҳәаауа, убри техника ӷәӷәала анџьнырцәа
иҟар­ҵазшәа, наҟ аҩнуҵҟа уалаҭало, уалаӷрало, иҭылашь­
цааӡа, харантәи атрапециа дуӡӡахәара иеиԥшны иҟаҵаны
иҟоуп, убас аҭшеиқәа амоуп. Иахьгәаҩоу атрапециа аҩ­
нуҵҟа, агәыцә акәым, ихәхәа-хәхәаӡа аганқәа роуп ижу,
итшеины, иҭшеины иҟаҵоуп, каналҵас, жраҵас...
– Жәытәла иуҳәозар – иҭҭәаауп; аҭҭәы, аҭҭәоу – аҭоу­
гьы иароуп... Атрапециагьы хәганк, хәшьаҭак амами, ахә­
шьадгьы иароуп, хәыџьаран исоуп, иҿоуп; ԥсуа-шәыла
ашьаҭ(а) ашьада(а) ауп...
– Ус анакәха, ажәытәуаа Еҵәаџьын, Ахажә, Ахаџьын
ҳәа зыӡбахә рымаз аҽцәа абри Сатурн акәзароуп. Ари
Ахаззеи, Ахаӡӡеи, егьыс ала иуҳәозар, Марс анаҩстәи
анаҩс ауп иахьыҟоу, дунеи дууп, аха дууп, Ҳадгьыл аасҭа
акыр еиҳауп. Аха иџьашьатәыҵәҟьоу аԥсуаа абри абас
ишыҟаз иалырдыраауаз? Иабананагеи, ианбананагеи,
иабантә?!.
Ари уажә сара иуасымҳәар ҟаларын, иара амҩаны­
за ишгәанаҭаз апатреҭ ҭыхны ҳаҭыр зқәу газеҭ дук иан­
ны исымбазҭгьы... Ибзиоуп, Ахажә, Еҵәаџьа атәы ҳа­
ҟәыҵыргьы, Ахаззеи, Ахаӡӡеи ахы ануп ҳәа ажәытәуаа
ирҳәозгьы ииашахеитеи – убригь Американтәи даҽа мҩа­
нызак игәанаҭеит, ихцәы ихагәҭа наҟ-ааҟ еиҩшаны ижә­
ҩахыр аҟынӡа инықәԥсо, исахьа дуӡӡан ишаныз. Жәы­
тәӡан аԥсуаа убас ахцәы ныҟәыргон рҳәон, иара уажәыгь

иҟақәоуп, аха. Баша ирымҳәозар ҟаларын ажәытәӡан
аԥсшәа амҵәыжәҩа аман ҳәа... Ҳадгьыл аҟынгьы убри ахы
асахьа ҩыџьаран иануп ҳәа усгьы ацырҵон. Ари омажә,
мбатәа зылшоз аҵара-дырра дуӡӡа змаз иакәзароуп, дыз­
усҭадаз?..
...Игәоуҭахьазар, уоԥсҵәа ааҭаргәаҩан, нас иаартны унапсыргәыҵақәа унрыхәаԥшыр, атрапециа асахьа удырбоит; атрапециа жәытә ԥсуа-ашәыла ахәҿа,
ахәшьад(а), ахәсад (а) ахьӡымзи, урҭ иҵегь аҵакқәа рымоуп, аха... Аоԥсцәа Ахажә ахы унарбоит зырҳәозгьы аб­
ри акәзар ҟаларын... Аҿақәа реиныриараз џьара умцаргьы ауеит зырҳәозгьы... Абарҭқәа рыдагьы ахәнацәкьарак
еишьцәоуп, еиҿыҵхьеит, хазы-хаз ицахьеит рҳәон, аха
мышкы зны еиқәшәарангьы иҟоуп ҳәа усгьы ацырҵон.
Ус анакәха, жәытәӡан Ахажә ианыҵыз, иқәҵыз аԥсуааадыгаа хә-шьҭра дук ыҟан, иахьа – ԥшьба – егьи абаҟоу?
Хаҭҭаа ракәызҭгьы? Ани аҩбатәи аҿа атәқәагьы ацаҳҵаржәаҩык аешьцәа, жәа-шьҭрак. Абри адагьы фба-фба нацәа
змазгьы ыҟан рҳәон, ус ала иухәшьадыр – жәаҩа шьаҭар,
егьырҭ ааба абацеи?.. Аҿақәа еиқәзыршәаран иҟаз иҽы
ҩада ма лада ирханы дыздыргылоз? Уцанапык Мрагылара, егьи Мраҭашәара иреиархан уангыла, уҿы ма алада
ма аҩада ихоит. Убригь маана дук аҵоуп... Амҵәыжәҩа
ззыӡбаны иҟазҵаз, убас ала ихы рханы ддәықәларц азы
акәзаргьы ауеит изызҳәоу, ма иара усала иаҳа еиӷьны
иубарҭануп.
– Дианы, ажәҩан ахь дыԥшуа, иҩмаҿак еидкылан
ина­псыргәыҵақәа дрыхәаԥшыр, атрапециа – ҽакала иу­
ҳәозар – ахәшьад(а), ахьырныз имбоз, иҽгьы ҵәҩанҵәы
ихон, усгьы уахь ами цатәыс иахьыҟоу, ус зырымҳәеи?
Ҵәҩанҵәы акәымкәа ирнаан удәықәла ҳәа акәзар ҟа­
лап измааноу. Уи ус иаҳа ишеиӷьу иахьатәи астронавтцәа,
акосмонавтцәа ирдырхьеит...
– Еснагь, ианаауҭаххо уахь удәықәларгьы амуазар
акәхап, убригь аамҭак амазар ами, уи азы аԥсшәа акгьы
аныҵәахлаӡами?

– Уи аамҭа нанҳәамза акәзар ҟалап, жәытәла нанҳә.
Ари иҵегь аҵакқәа амоуп, аха н анапгьы иахьӡын, ус ала
уазхәыцыр, нанҳә, ныҳә – аоԥсҵәы ҳәа ицәажәаргьы ал­­­
шоит, уи иану ахәшьад абара амза, аамҭа ҳәагьы уа­наҳәоит...
– Ажәытәӡа Амза ыҟамызт рҳәон, ианаагьы иҭашәо­
мызт, калаҭк иаҟараны игьагьаӡа икыдын, Адгьыл иавам­
лакәа иахагьежьаауан, иахыкәшон рҳәон, усҟан уажә
иаҳҳәо амзар – амзақәа рҿатә хьыӡқәагьы ыҟамзар акәха­
рын; акалендар, амзар шԥартәаз ҳәа иуаҳахьоу крыҟоума?
– Усҟан уи хала иртәан рҳәон, ашықәса аха, аӷа рыла
ишон, амзақәа зегьы уажә еиԥш еиҟарамызт рҳәон, урҭ
рышьҭахь га ма ха гылазар акәын. Убарҭ рахьтә иаӡаз­гьы
ыҟоуп, ра ашҟа иианагазгьы, иаҳҳәап, лаҵара – лаҵа­
га – лаҵарага; лаҵаха – лаҵараха ракәын. Ха, га ы ала
ианынҵәозгьы ыҟан, иамырԥшӡо ианалага ры, ра ашҟа
ииаргеит. Уажә амзақәа ржәытә хьыӡқәа еиҭахь­шьа­қә­
дыр­гылаз аԥсуа-ашәы ажәытәӡатә ҭоурыхқәа рыцәаара
аанарԥшит. Иззеилымкаазгьы ҟалеит, аха...
– Ирзеилымкаазар егьамам, егьоурым, цасҳәа аҵәа­ла­
ҵаҩцәа ҟамлааит. Амала урҭ рыхьӡқәа иҵегь ыҟоуп, цқьа
уаҩ дрылаԥшыр, еиӷьу ҳәа ҽа акык-ҩбак рылиԥшаар­гьы
ҟалап... Иара усгьы ажәытәуаа аамҭа аха иануп, Адунеи
агьаргьаласа иануп рымҳәози; ахац иануп ҳәа убригьы
ыҟан.
Абарҭ амза хьыӡқәа рҵыхәала, Чагә ихаангьы ацәа­
жәарақәа ыҟан. Ҽнак уи Аҟәа дахьааиз Дырмит Гәлыиа
дҵааит абри ушԥахәаԥшуеи жәытә ԥсуала иҟазару ҽака­
ла ирҿатәны абас декабр егьи ҳәа иҟазару, иреиӷьхари
ҳәа. «Уара, Дырмит, сыҩны унеир, декабр са исымаӡам,
иуз­цәырызгозеи?» ҳәа иеиҳәеит. «Нарықь, уара иаху­
ҳәаауазеи?» – иҳәан, Дырмит сабдугьы диазҵааит, Чагәи
иареи еицызаарын. «Сеидроума, Дырмит, ари аӡәгьы
иҳамаӡам, иабааухәеи?!» – ҳәа аҭак ииҭеит. «Уара, ари макьана иаасымхәаӡац, исыдыргалан исдырхәҳарц иаҿуп,
аха шьҭа исшәысҵаргьы ишсзыбзиамхо аҟара збоит», –
иҳәеит Дырмитгьы дааԥышәырччан.

– Амала абыржә иуҳәаз ажәытә ҭоурыхқәа здыруаз
абыргцәа ҳацәцахьеит, аҿар иразҳәо ҳәа шьҭа, шамахаӡак
акәымзар, аӡәгьы дыҟам, акгьы ыҟам, иӡрашәагьы збоит,
иаҳцәыӡыр алшоит...
– Убри ануҳәа, аабыкьа студентк сиазҵааит абри
Ҳадгьыл шаҟа иҭбаау удыруама ҳәа. «Мамоу», – иҳәеит.
«Амза аҟынӡа шаҟа бжьоу удыруама?» – сҳәан, «Мамоу»,
иҳәеит, «Абри ҳ-Амра заҟа иҭбаау ҳәа кыр уаҳахьоума?» –
«Мамоу», «Ахаззеи ма Ахаӡӡеи зыхьӡу удыруама?» – «Мамоу», «Аӡӡеи зыхьӡу удыруама?» – «Мамоу», «Уара аш­
кол аҟны акгьы шәыдмырҵаӡозеи уаҳа?!» – сҳәан, сгәы
иал­сны снеизыԥшит. «Мамоу», – иҳәеит, «Астрономиа
шәа­хымсӡои?» – сҳәан, «Изыхьӡузеи, уи уажә ашколаҿ
иҟа­ӡам», – иҳәеит. Ус сышиацәажәоз, ари астудент даал­
ҟьан: «Урҭ узҵаарақәа зегь са издыруеит: Адгьыл 12
нызқь километра иҭбаауп, Амза аҟынӡа 280 нызқь километра бжьоуп, Амра 1,5 миллион километра иҭбаауп...
Аха абарҭ зегь саб исеиҳәеит, сангьы, уаҳа иуазҳәо ҳәа
аӡәгьы дыҟам, уиоуп исыздырам ҳәа зуасҳәазгьы, ашкол
аҟны ирҳәом, ауниверситет аҿы ирҳәом, ԥсыуа шәҟәы
иара аным. Абысҟатәи аҵарауааи шәҟәыҩҩцәеи иҳамоу
абас еиԥш иҟоу рҩымҭақәа рҟны изалами?» – иҳәеит. Аурыс енциклопедиақәа рҿы иҟами анысҳәа, са саԥсыуоуп,
аԥсыуала исшәырба иҳәеит, Ахәаџа инхо аенциклопедиа
изҭода, иҳәеит. «Уара, ус акәзар егьырҭ аеҵәақәагьы рыхьӡ
удыруама, Жәгараа зыхьӡуи?» – ҳәа сиазҵааит. «Урҭ хԥа
ыҟоуп, ԥхынгәазы, кәыркәазы жәҩангәы иха­лоит, аӡқәа
анҭабо, ианрыгхо иақәшәоит, Жәгараа зрыхьӡу убриоуп,
жәытәла жә аӡгьы иахьӡын», – имҳәеи уара!
– Уи ак илҵыр ҟалап. Ихьӡи?
– Арноу. Уимоу сагьирччеит.
– Ишԥа?
– Саныхәыҷыз, ацәажәара салагахьан, саб акамфеҭқәа
сзааиган, ауаџьаҟ амца дыҽҳәатәаны ишьамхы сықәыр­
тәан исиҭеит, иҳәеит. Арҭ ирыхьӡузеи анысҳәа, ажәа­
бжь­қәа рыхьӡуп, иф ҳәа сеиҳәеит, сангьы дааччеит,

иҳәеит. Акамфеҭқәа анааимгалак, баба, иахәа, уанаауа
ажәа­бжьқәа сзаагала, исфоит ҳәа иасҳәон. Еилыскаауа саналага, ус зыҟоуҵоз анысҳәа, ажәабжьқәа зфахьоу
ажәабжь бзиақәа иҩуа дҟалоит ҳәа иҳәеит иҳәеит. Иабгьы
дышәҟәыҩҩын.
– Уи ак илҵуеит, хымԥада, дыхьӡырҳәагахо, Анцәа,
дҟаҵа! – иҳәеит Бақа иԥа Заур, иагьнациҵеит: – Абри зегь
зхаҳҳәааз Еҵәаџь, Еҵәаџьын; Ахажә, Аҳаџьын ауп, убра
дцаны иаҳзибартә анагӡара, Анцәа, иҭ!
– Анцәа иҳәааит! – сҳәеит саргьы.
– Сан ус лҳәон, Ашәы Ҳабыџь иҳәамҭан ҳәа, уи омакала джәабжьҳәаҩ дуун, ҭоурыхҳәаҩ дуун – ажәытәӡан
Ҳашәа ҳанынхозгьы ыҟан, Мыссырҳәы ҳанынхозгьы
ыҟан ҳәа... Убра аҳәаҵас ирхәаны иҵар-ҵарӡа, иҵҳәҳәо
ац дуқәа ззыҵагылаз, ҽадак иаҟарахоз, абжьас омагақәа
ра­цәахеит, ипланы иқәылт, ҳармыхәо ҳаналага, ҳахҵәаны
ҩадала ҳахыкәшаны ҳааит ҳәа... Аԥан ҳаныр, гаҿала,
усҟан ус акәын ишныҟәоз, ҳаҽша-ҽшаны ҳдәықәлеит ҳәа.
Ҳахьаауаз иӷыӷны ашәа зҳәоз рҟны ҳнанагеит, тәыҩак
зхашыгә иқәиаауаз ҽа шьоук рҟынгьы ҳнанагеит... амҩа
иԥнашәан ашьха тыи наа ҟьаҟьара дуаҿ иаангылазгьы
ҟалеит ҳәа... Аԥсны ҳанааи аԥсуа-абазқәа, аԥсуа-ашәқәа
рацәаҩны инхон, ҳаргьы ԥшьык ҳарҭеит. Ара ажәытәан
иқәыз аӡы-мшын ҭыкәкәахьан, нас еиҭаҭалт, лҳәеит...
Ҳашәа абыкәыз анысҳәа, Мраҭашәара Аҳа, Адгьыл тлеит,
еиҩрит, иантны ицеит, иашәан наҟ иагеит... Аха ҳа­
ра ҳахьынхоз Ахахьы акәын ҳәа иҳәон Ашәы Ҳабыџь,
лҳәеит... Абри хасҵомызт, жәабаҟа шықәса уажәаԥхьа те­
ле­хәаԥшрала тәыҩак зхашыгә иқәиааз ауаҩы даҳд­мыр­
базҭгьы – уи Бирма акәу, Непал акәу, Тҳаиланд акәу уажә
исгәалашәом... Игыгны ашәа ахьырҳәо Саха Иакәытиеи
уи аладахьҟеи роуп, убригь Тыва (Тыжәа) тәыла налаҵан,
ҳдырбеит. Зыӡбахә лҳәоз агыгшәыг дуқәа – иахьатәи
абжьасқәа зхылҵыз роуп, рыхьӡ лыздырам, ашәырҳа
акә­зар ҟаларын лҳәеит... Урҭ, иахьатәи шәҟәыла, Канада
акәын иахьыҟаз, ажәытәӡан... Ус анакәха, иахьатәи Ашә­

бақәа рытәрыкгьы убра инхон, ари ажәла зынӡа хәтәрык
амоуп ҳәа иҳәон, лҳәеит.
– Ушцәажәо апач уҳәар, иумҳәан лҳәон сан, убригь
д-Ашәԥҳан, жәытәӡан уа инхоз апачааи дареи еизуаамзар ҟаларын... Аԥшыцаагьы нхон, аԥшыц еиԥш ахаԥыц
ԥаҟьақәа змаз. Урҭ ҩ-тәрыкны иҟоуп...
– Аҳәахаԥыц «саблезубый» ҳәа изышьҭаз ацқәа змаз
абжьас Мыссури аӡиас ду аԥшаҳәаны џьара абаҩ ааԥшит,
миллион шықәсала иахыҵуеит. Шьҭа уара уазхәыц ари
анбатәи ҭоурыху... Мыссырҳәы – абаза-ԥсуала Мыссырҳы
– Мыссырҳа-нажә ҳәа изҿыз абыкәыз?
– Мыссыр агыларҭа, агыларҭақәа рыӡҭатәа ду ма рымшын ҿықә; нажә, нажәа – ӡҭатәа дууп, ма мшынуп; ҳәы,
ҳәа – ашәыла ҳы, ҳа, – ажәытә гыларҭагьы иахьӡын.
– Насгьы Мысра, Мыссыр(ыи) – арҭ шеиқәҿырҭуагьы
убоит. Абригь уаҩы иџьеишьартә иҟоуп. Мыссысыпы(жә)
ҳәа абригь рҳәон иҳәеит Бақа иԥа Заур.
– Аԥсуа-абазақәа, аԥсуа-ашәқәа, адыгақәа рҭоурых
аҟны аџьашьахәтәқәа рацәоуп, урҭ зегьы ааԥшаанӡа иџьа­
зшьаша дзынхар, дзыҟалар... Убригь, Анцәа, дҟаҵа! –
сҳәеит саргьы.
Б АҚА ИԤА ЗАУ Р АҨ БАТӘИ И АЖӘА Б ЖЬ,
МАМЗАРГ ЬЫ АҾАР ԤА И АШ ЬҬОУ
И ЛАРХАНЫ ДАԤХЬО И Т

Кә

тол аусҳәарҭаҿ еизарак ыҟан, абра Чагәи сареи
ҳақәшәеит. Ашәы Ҳабыџьгьы дыҟоуп, Кәыҵныи
Кыҷагьы дыҟоуп. Иахьцәажәоз уара ужәла, сара сыжәла
рҳәан, ажәытәан ишыҟаз, иахьа ишыҟоу, иаашьҭны иҟаз
апапцәа ирхәанчан, рынҵәамҭақәа еицакны ишанырҵаз
уҳәа аацәырыргеит.
– Ҳара ҳажәла зхылҿиааз ӡуп, уи ԥшьтәрык амоуп, рызегь акоуп, аха маҷк еивысуеит, ажәытәан Кәоуӷәаныи,
Кәоуӷоуныи, Кәаӷоуныи, Кәаӷәаныи ҳәа иҟан, неи ала

инҵәозгьы – аӡы закәу, иахьамоу зеиԥшроу еиԥш. Кәоуӷә,
кәаӷа-ӡызар ауеит, аӡқәа зҵыҵуа дәызар ауеит. Абарҭ
ныжәа, нажәа ҳәа зыцқәазгьы ыҟан, жәа аҵәахуеит.
Кәоӷәуа ҳәа убасгьы ажәла ыҟоуп, абри иатәруп. Иара
сыхьӡгьы иаҳәоу ӡуп Кәасҭа ҳәа; жәытәла кәы, кәаӡыми,
«кәаԥ» аҟынтә ауп убри ацәыкәбаршьҭыбжь иахылҿиааит.
Егьыс, ани иаашьҭны, иазкны иҟаз апап гызмалцәа
рбызшәала аҵыхә дырҵәиит, идырхәанчеит Коӷониа
ҳәа. Ари гыруала, қырҭуала кәыбруп изыхьӡу, аха ҳара
ҳкәыбрқәаӡам, аԥсуа кәыбры дыҟаӡам. Аԥсны ажәытәан
Џьамтәыланӡа, Каспыжәынӡа инаӡон, уахь инхоз аԥсуааашәқәа иаан ирыланхаз атәым рацәаҩхан, ирыларыӡҩеит,
рыхьӡқәагьы рыжәлақәагьы дырхәанчеит, еицаркит, –
иҳәеит Кәаӷәаныи Кәасҭа Хәыҷы.
– Уара, Кәасҭа, Кәыбраа ҳәагьы ажәла ыҟоупеи?.. –
иҳәеит Қьача дахьтәаз.
– Кәы ӡуп, бра хаҳәыжәлоуп, аҩбагь еицуҵар, аҵаа ҳәа
ицәажәоит жәытәла, ма анаҟәоу ҳәа. Кәыбры-жәа – изых­
ҵаалоз ӡын, жәа убригь ӡыхьӡуп, аха иаҵәахуеит, ма в ала
иаԥсахуеит, жә в иазынаԥшуа изҳәоз ыҟан. Абри ажәла
зхылҿиаауагьы убриоуп. Аҵыхәан жә мацара гылазҭгьы,
анаҟәоу ду, ажәытә наҟәоу ҳәа абас иарцәажәаргьы алшон,
мамзаргьы изыхҵаало аӡҭатәа ҳәагьы. Сы-бра, сыи-бра...
– убригь аӡы ахьҵаауа, иахьрыхҵаало ҳәоуп иаҳәо; сы,
сыи – убарҭгьы жәытәла ӡын изыхьӡыз. Ари уажә ҽа­ка­ла
иуҳәозар: Сыибра Ӡыишәна ауп, Ӡыишәынажә – уи изых­
ҵаало мшынзароуп, жә аҵәахуеит. Ма убас иҟоу аӡқәа змоу
дгьыл дузароуп. Ӡышәнаҟа, Ӡыишәнаҟа ҳәагьы рымҳәои.
– Кәыпраа уи иаҳәои?
– «Ихәрит-иприт» зырҳәои? Иӡит, импыҵабеит, им­
пы­ҵышшеит... ҳәа? Кәыпра-жәа иҵалоу ма ишнеиуа
иҵабо ӡуп, иҵегь аҵанакқәоит, аха. Мнеи ҳәа ажәытә
жәла зыҟазгьы убриоуп, Мнеи-жәа акәын, убригь убас
иҟаз ӡын, иахьа Маниоуп, иҵегь аҵанакқәоит, аха, –
иҳәеит Кәасҭа Хәыҷ, иагьнациҵеит: – Ари Кәтол ахьӡ
уахәаԥшыр, кәы-тоу-л, кәы-та-аул, усгьы рҳәон, кәы-т-

оул – аӡқәа атоит, аӡқәа ықәтәоуп ҳәоуп иаҳәо. Ажәытәан
Кәтоул – абри абас аҳәара иаҳа ииашоуп – ҽа хьӡыкгьы
аман рҳәон, убри Кәоуӷәны, Кәаӷәны акәзар ҳәа сыҟоуп,
избанзар убригь убасала ицәажәар алшоит. Абри адагьы
абра идыртәу убриоуп, жәытәла адәы аԥсуа-шәыла ады,
адәы, убригь ҽа хьӡык аман рымҳәоз, ӷәы акәын – адәы,
аҟьаҟьара, ашьаҟьасҭа ҳәа, иҵегь аҵанакқәоит, аха...
– Иагьиашоуп, иаҳҳәап, ӷәыблы – дәышьхоуп, дәышь­
ха дууп, мамзаргьы ҳашьхоуп, – днақәшаҳаҭхеит Чагәгьы.
– Адәы­шьха ҳәа рымҳәои, гәы – адәҟьаҟьа иахьӡзар­гьы
ауеит.
– Усоуп. Ӷоу ҳәа атәрык иалоугьы ӷӷоу акәын, ишу,
ишуп ҳәоуп иаҳәогьы, ажәытәан абра аӡыршқәа аны­
ҵыҵуаз­гьы ыҟазаарын умбои, ахьӡ тәрык абри цәыр­
нагоит. Аӡыршқәа нас ихьшәашәеит, ма иҵалеит, иӷӷаны
иқәзаргь ҟалон. – Иуҳәаз иацсҵарҵ исҭаху уиоуп, Кәасҭа,
иузымдыруа исҳәоузеи, аха кәоуӷә аҟны у кьаҿӡоуп, ари,
уара иуҳәан еиԥш, ӡхы хьӡызаргьы ауеит, аӡқәа ыҵыҵны
иахьҭатәоу, иахьықәтәоу, иахалҵуа акәзаргьы алшоит...
Аха Бзана жәытәӡан ҽа хьӡыкгьы аман рымҳәози, иа­
хьыҵыҵуа иара ара Кәтол ауп, Џьгьарда аԥшьан, идуны,
ишәпаны иаауеит. Кәаӷа ма кәоуӷәа, кәаӷә ма кәоуӷә убри
иахьӡызаргь ҟалон. Ажәытәан ус рҳәон аӡиас ҽа хьӡыкгьы
аман, убри аҵыздыраауа маӡак ааирԥшуеит ҳәа. Уи
неижәа акәын, инеиуа, иныҟәо аӡы ҳәа; ныижәагьы
рҳәон. Аҵыхәтәантәи жәа аҵәахуеит. Ас ала уахәаԥшыр,
Кәоуӷәаниеи, Кәаӷәанеии Бзана ажәытә хьыӡ аформақәа
ракәзар ауеит. Кәаӡәаныи, Кәоуӷәаныи убригь убри иавагылоит. Мықәгьы Мықәжәа, Мықәажә(а) ҳәа акәмыз
ишыҟаз. Жә мцахәмыцәа бзиоуп, ӡуп изыхьӡу, аха ашь­
ҭахь иангылалак аҵәы алазҵо мшгаҩык дҟалоит, уиоуп
аҽзаӡо. Егьыс, ныжәа ма аӡышьҭра, ма аӡқәа ахьҭанар­тәаз,
ма аԥшаҳәа ауп, Бзана аӡышьҭра ҳәа усгьы ицәажәоит,
жәа аӡоит. Жәытәӡан Кәаӷәаныиаа Бзана аԥшаҳәаҿы
инхозҭгьы атәрқәа ҩба-хԥа абри иахылҿиаауеит, – на­
ԥишьит Чагә.

– Саԥхьа рахә уоухьеит, – иҳәеит Кәасҭа Хәыҷы, иагь­
нациҵеит: – Кәаӷәаныиы, Кәаӷәанеиы ҳәа абасгьы рҳәон,
убра ианиааз, ииз ҳәа акәхап. Уи Кәасҭа Ду иакәын аҭоурых
бзиан изҳәоз, ашьҭахь Кәаӷәаныи убригь убас аҵанакуа
иҟалеит. Уи ус иҳәон, Кәтол аӡы аҵоуп, икәаны ихалан
иҭатәа-ҭатәаны иҟалоит. Акыр шықәса, уи заҟа сеидроу,
анҵлак иҵалоит. Убриаҟара анҵлак еиҭаҵыҵуеит, насх
еиҭаҵалоит. Убас акырынтә иҟанаҵоит, жәытәла абригь
икәоууеит ахьӡуп. Аҵыхәтәаны иҭабга-ҭабганы аӡҭатәа ду
ҟанаҵоит – уи анакәхоу сеидроума, аха. Аӡы аҵыҵшьала:
икәоууеит, икәеиуеит, икәоит, икәкәоит – арҭ злеиԥшым,
еиҩырго уажә ижәбама. Адәгьы убасала ахьӡ тәар ал­шоит,
иамоу аӡы, аӡқәа рҟазшьала, изеиԥшроу еиԥш... Бзана
иахьатәи ахьӡ иахылҿиаауазар сгәахәуеит Бзаркалгьы,
изыхьӡугьы ахы ахьыҵнагоу акәзар ҟалап.
– Кәоу ҳәа иуҳәаз иацсҵарц исҭаху уиоуп, – иҳәеит Чагә,
– иагьаџьара иаабахьеит асып ҿаҟьақәа, асып наарақәа,
аҿыцәаарақәа рҟны аҽыртаӷаны, аҽмырҭбаацәакәа, ацә­
қәырԥ хәыҷқәа еишьҭагыланы, ахцә еиԥш ишьқьыруа,
аӡы ахьылбаауа, иахьаҿыкәкәоу. Ас иҟоу аӡазы жәытәла
ишьқәыруеит рҳәон, аԥсуа-ашәыла – исқьыруеит рҳәон.
Аха ари ас зыҟанаҵо ахыхь ахәхәаҳәа акәымкәа иҵхә­
раа-ыҵхәраауеит ма иҭыҽҽа-ҭыҽҽоит, хрыжь-хрыжь,
иааҭгыла-ҭгыло иҵыҵуеит, жәытәла иуҳәозар, икәоукәоууеит, ацәқәырԥ хәыҷқәагьы убриоуп иҟазҵо. Ас
иҟоу аӡы кәоу-кәоушьқьыр, кәоу-кәоусқьыр ауп. Икәеи­
уа­зар – иаҳа имаҷны убас ҟаҵо иаауазар – кәеи-кәеишь­
қьыр, кәеи-кәеисқьыр ауп. Убасала икәозар, иҵегь еи­
ҵаны иаауазар – кәа-кәашьқьыр, кәа-кәасқьыр ауп...
Арҭ жәытәӡатәи ԥсуа-ашәыла ӡыхьқәоуп, ергь ӡқәоуп,
иҵқьақәоуп, иԥшьақәоуп, ажәытә аԥсуа-ашәы жәла­
қәагьы рхылҿиаауеит, ажәытәан заԥхьа ҳа гылазгьы ыҟан,
усҟан апапгьы дыҟамызт, адикәангьы, рԥацәагьы. Уа­­жәы
арҭ ҳгәылацәа шьоукы рбызшәақәа рҟны кәоукәоу, кәеи­
кәеи, кәакәа – аԥшьа ҳәа ицәажәоит, уи зхылҿиаазгьы
аԥсуа-база ажәытә ӡыхьқәа роуп. Арҭ ахьӡқәа, ажәлақәа

иахьа, нас иқәнагалаз шьоукы идырҵәизшәа рбоит, аха,
зегь дара роуп, аӡы ахьхьышьҭрахь ихынҳәуеит, арҭ рын­
ҵәамҭаҿ амаӡашәарқәа змазгьы ыҟан, – иҳәеит Чагә.
– Аӡы кәоит шырҳәо еиԥш, иҵәоитгьы рҳәоит; адәы,
аԥшаҳәа, ашьха зҳәаз еиԥш, убас ҟарҵаргьы ауеит, ицәоит,
аӡы рылҵуеит. Аҵәарсҭақәа ахьамоу цәаны ауп, уи адгьыл ду аҵанакуазар – ҵәаны-жә, имаҷны иаҵанакуазар
– ҵәаны-са, иҵәаны, имаҷны иҭанартәозар, ма ԥшаҳәа­
жәлазар – ҵәа-ныжә, идуны иҭанартәозар – ҵәа-нажә,
аԥшаҳәа ӷәӷәала ицәаакызар – убригь ҵәа-ныжә. Аха арҭ
рҵыхә жә рҵәахуеит. Ари иахьатәи ԥсуала, аха жәытә
ԥсуа-ашәыла ҵә ҵ ала ма ҷ ала изҳәоз ыҟан. Жәытәла адәы,
арха – аиа ҳәагьы иашьҭамыз, уи аергь иҭнацо, иқәшәуа
асаҭлашьгьы иахьӡуп, аха... Ҵәа-ныжә-аиа аҟны жә аӡоит,
Ҵәаныиа ҳәа ицәажәар алшоит. Ҵәаныиеи аԥшьдәныи
еизааигәоуп, Ҷаныиа атәрыкгьы иароуп, Кәтолгьы убри
еиԥшу дгьылуп. Иахьа иа ҳәа инҵәо ҳажәлақәа рӷьырак
ашьаҟьасҭаа, архаа, аҟьаҟьараа, аиаа ҳәа ус унарбоит,
жәытәла. Ас ала инҵәо ҳажәлақәа анҭ иаашьҭыз ауаахышәшәахқәа, апап гызмалцәа идырҵәиз реиԥш, ус иаԥ­
суа-базаны Анцәа иишазгьы ыҟоуп, реиҩдыраашьа омак
аҭахӡам, ахала иунарбоит. Изхысҳәаауа, Ҷан аԥхьа иангыла, аҵыхәақәа апапцәа идырҵәизаргь, зегьы аԥсуабаза, еиҳарак абаза, иатәуп, – иҳәеит Ҷаныи Қьаламаҭ
иԥа Аслан, иагьациҵеит: – Ҷанаа, лбаа, аԥсҭаа, архаа ҳәа
ицәажәоит, иахьыҟазаалак, рызегь шьаҭак, ҩ-шьаҭак
иртәуп, атәрқәа акымкәа-ҩбамкәа ирымоуп, аха... Абри
адагьы жәытәан, «ақәа ауит» аҭыԥан «ицәеит» зҳәоз ыҟан,
ақәа рацәаны иахьадыруаз, ацәаакыра ӷәӷәаны иахьыҟаз
адгьыл убригь ҵәаны, ҵаны, ҷаны акәын.
– Уажә убри ануҳәа, ажәытәӡан Аԥсны Аҟьаҟьа ҳәа
изышьҭаз убригь Ҷҷаны, Ҷаны, Ҷаныҭәа, Ҷоӷә акәын
сгәахәуеит, нас Ҷоу ҳәа итәеит... ҭә-и у-и ахьеиҭнаԥсахлаз
ыҟоуп... – иҳәеит Чагә.
– Ак уасҳәашан, Аслан, ҷан-ҷана рыхәцәа еибакит ҳәа
иаҳҳәо зызҳәоу ҳәа иудыруеи? – дҵааит Кәасҭа.

– Ма рсҭа-рсҭала ма ԥсҭа-ԥсҭала – ҷан-ҷаны – еицә­
гәышит, ма ҵәа-нҵәаны – ҷа-нҷаны – рӡы анҵәа­рахьы
ахы анарха, ирибамҭо иалагеит; ауп иҵегь аҵанакқәоит,
аха. Ажәытәан аԥсуа-ашәқәа рҟәыҵәақәак ахьынхоз ара
еиԥш азы меигӡарахда иҟамызт...
– Аҷан аҷан аҳәоит, уи?.. – дҵааит уажә Кыҷа. Абри
иа­шан еилзырго маӡак ааирԥшуеит ҳәа усгьы рҳәон, –
иҳәеит нас.
– Убригь ӡуп изыхҳәаау, амал – аҟәарџ-марџ акәӡам...
Жәытәӡан уаҩ мал рацәак анимамыз зегь реиҳа ҳаҭыр, па­
ту зықәны имаз ӡын, ламысгьы иароуп, дыԥсыргьы ихьӡ
зҳәоз, иҭынхоз уиакәын. «Ах иӡыхь» ҳәа ахьӡқәа шын­хаз
еиԥш... Аҷан аҷан аҳәоит – аӡы аӡы аанагоит, иханага­
лоит, ма аӡ аӡы агоит, аҩба руак ауп. Аха руа иарбану: ҷаныжәа ҷа-нажәа аҳәоу, ҷа-нажәа ҷа-ныжәа аҳәозу убри­
оуп еилкаатәу, мамзаргьы нажә, ныжә ракәу иацу. Насоуп
амаана, амаӡа анцәырнаго. Ара уажәраанӡа Кәасҭа иҳәон
Кәтол аӡы иҵало-иҵыҵуа ус ҟанаҵоит, иахьҭабгақәоугьы
ҟалараны иҟоуп ҳәа – ҷа-ныжәа ҷа-на­жәа аҳәоит, ма иаанагоит зыхьӡу убри акәзаргь алшоит, – иҳәеит Аслан.
– Кәаӷәанеи, Кәаӷәаныи кры рыцуҵома? – дҵааит
Кәас­ҭа Хәыҷ. – Лак иамбо, лакы иабоит.
– Ара ишәымҳәаз иацсҵоузеи, аха, егьырҭ атәырқәа
инарываргылан, Бзана Кәаӷәанеи ахьӡызаргь алшон, избанзар неижәа жәытәла ӡыиасми. Ара зыӡбахә шәҳәаз
Мнеигьы убригь жәытәан ԥшьтәрык аман рҳәон: Мнеи,
Манеи, Мныи, Маныи; Мыни ҳәагьы ахьӡ ыҟоуп – рызегь рынҵәамҭақәа рҿы жәа рҵәахуеит, ак роуп, ӡиас­
қәоуп, излеиԥшым ртәашьалеи шәагаалеи роуп, амаӡа­
шәарақәагьы рымоуп.
Манеи уахәаԥшуазар – Мҳажә-неижәа аҟынтә акә­
зароуп, жә-қәа аӡоит, иаҵәахуеит; мҳажә – амҳажә – ам­
ҳацә ду ауп, ҳ-гьы аӡоит, Аззанҭха аҟны Азанҭа ҳәа ишаӡо
еиԥш. Манеи – аӡыршьҭра, акәкәарсҭа амҳацә ду ауп,
иалалақәоу зегь еиднакылоит, иреиҳауп, уа иҽԥынхалогьы
Манеиаа ма Мнеиаа ракәхоит, – иаахиркәшеит Аслан.

– Ара, ишышәҳәаз еиԥш, ҷа – ԥсуа-ашәыла, дыӷала –
лбаауп, ԥсҭазаргь, хәҵазаргь ауеит, ҷаны зыхьӡугьы иа­­
роуп, уа инхогьы Ҷанаа роуп, Аҭара лбаагьы адгьыл усоуп
ишыҟоу. Абра аӡиас амазар – ҷанеижәа ауп, уа инхогьы
Ҷанеиаа роуп; адәы аман иҟазар, уа инхо ҷаны аиаа –
Ҷаныиаа роуп; аӡҭатәа ду амазар – ҷа-нажәа – уа инхо
убар­ҭ­гьы ҷанаа ракәхоит; аҟәара, аԥшаҳәа амазар – ҷаныжә(а) – убарҭгьы Чаныиаа ракәхоит. Ара иахьабалакь
жә, жәа аӡоит... Убас ицо иҵегь рыла иҟоуп... Амшын иҟа­
наҵо аҵатәа жәытәла аҷҷа ауп – асҟатәи ӡыхәашь иалало,
аҽарыцқьоит, жәытәла иуҳәозар – аҽарҷҷоит. Амшын наскьар – аҷҷа хтуеит. Арҭ аҩҷык акны иартәа­хьеит, – иҳәеит
Аҭарантә ирыхҭыгәлаз Ҷан Кәагә дырзыӡыр­ҩуа дахьтәаз.
– Ҳа ҳтәы шыҟалаз усоуп ҳәоуп ирҳәо, – дналагеит
Кыҷа, – аӡҵәҵәа, аӡҵәҵәы аҟнытә ауп, аӡҵәҵәаа ҳауп.
Жәытәла аӡы кәы, кәа... ахьӡымзи, уажәраанӡагьы ишә­
ҳәон, ҵҵы ашәы-ԥсуала ҵәҵәы ауп, кәы-ҵҵы – ажәытә
ус акәын, ҩҵыкны иҟан – рҳәон, аӡҵәҵәы ҳәа ицәа­­
жәоит. Нас Кәыҵныи, Кәыҵныиы ҳәа ишьақәгылт – уб­ра
ииз, иалиааз, ианыиааз ҳәа. Кәыҵнеи ҳәа зҳәозгьы ыҟан.
Ари неижәа аҟынтә ауп, абраҟагьы анҵәамҭа аҵәа­хуеит,
уи избан – ара ишәҳәахьеит. Арҭ аӡҵәҵәқәа ахьы­ҟаз,
уажәгьы иахьыҟоу Кәыдры аԥсҭоуп. Абри абасоуп рҳәон
ҳа­иашьара иатәыз аҭоурыхҳәаҩцәа Ҳыџьмаҭ, Арухан,
Шьо­уа, Исҳаҟ, Естат уҳәа.
– Арухан ахьӡ иҳанаҳәои, уара Кыҷа? – дҵааит Кәасҭа
Хәыҷ.
– Рыӷә-ха-нажәа ма, Рыӷә-ха-ныжәа ауп, ӷә у акәушәа
унар­боит, жәа аҵәахуеит, аԥхьа ҳа гылазаргьы ҟалон, иза­­кәу
иара иаҳәоит. Ари иҵегь ахуҳәаар ауеит, аха аригь азхоит.
Егьыс, Кәыдр Хәыҷы жәытәан Кәыҵныи, Кәыҵнеи
ахьӡын, убасала иҟалаз атәыргьы алазар ҟалап ҳәа аци­
ҵон Исҳаҟ. Аха Кәыдры амшын иацәыхарамкәа акәын
иштәыруаз, ҳара ҩада ахахьы ҳаҟан... Уи сҳәеит ҳәа,
ажәы­тәан иҩаханы итәыруазаргьы алшон... Ара уажә иу­
ҳәозар, аӡҵәҵәқәа ирхылҿиааз аԥсуа жәлақәа арым­ӡаа

ыҟоуп, иқәнагазгьы иаҳцәыӡхьоугьы налоуҵар. Из­хыс­
ҳәаауа, Кәыдры аханы иаан инхаз шәануак иамеикыр­
гьы цәгьа имбеит Квициани аҟнытә ауп ҳәа. Уара, уи
мырхәацу қьақәоу акы иахьӡуп, уахь усс иҳамеи ҳара
уара, ҳаӡҵәҵәқәа иахьагьы Анцәа иҟынтә иҿаҿаӡа иаауазар?! Уимоу, сгәы аннирха, иасҳәеит ажәытә аԥсуа-абазаа
иреиуоу ҩтәрык адуқәа иахьа дара рахь иаганы ишыҟоу,
урҭ зхылҵыз, изусҭцәоу рҳәар шыҟамло, ирацәаҩны иаан
ирыланхаз атәымуаа ақәԥаҩцәа азыҟаҵан ишрымоу, ак
рҳәар – ишреидырсуа... Ари уа иумҳәар, са исымҳәар,
иа­ҷыҩуеит, – иҳәеит Кыҷа. – Аԥсуаа мҳаџьырра аҵара,
ах­­ҵәара заҟантә ирықәшәахьоузеи, жәытәан убра Кәы­
дры аԥсуаа-ашәуаа анхҵәа, иӷар-ԥшарны ианаанха,
егьырҭ агәырқьҳәа илбааны ирыланхан, ирылаӡҩеит,
убриоуп иҟала. Ҳаӡҵәыҵәқәа рхаҭақәаҵәҟьагьы ҳамар­
куан, рыхьӡқәа уҳәахт. Акәымзар, ҳара жәытәӡала аԥсуаабазақәоуп, аԥсуа-ашәуақәоуп, ҳаиҿыҵаанӡатәи усуп,
ари анбатәиу, – иҳәан, дааҭгылан еиҭанациҵеит: – Абарҭ
ҳажәлақәа ырхәанчан дара ртәала рҭаҩра аҵыхәала
са­ҳәшьа ду лԥа Быҭә Шьааби сареи Аҭара ауахәамаҿ
ҳнеит, уа аҟамахарагьы ҟалеит, апапгьы идикәангьы
дәыл­ҟьҟьеит... Убас сыдын, иҟасымҵар сыршьуан, уажә
ишә­ҳәаргьы егьалҵуам, Аҟәагьы шәымцан, Қәҭешьҟа
ирышьҭхьеит, саргьы исеигӡом арҭ зааушьҭи ҳәа... Мышкы зны ишәзыриашозар жәбап ҳәа ҳаиҳәеит, иаргьы
идикәан диман дықәҵны дцеит. Ара уажәы ажәеи ажәеи
еихысҳәаалоит, аха Аҭара ауахәамаҿ иаашьҭны иҟаз апап
ашкол аҟны днеит, «Закон бож»22* риҭон. Ашкол ԥшькласск аман, иҭақәазгьы хәыҷқәан, ажыцәқәагь ыҟан, аха.
– Аҭара зыхьӡу жәдыруама? – иҳәан, ахәыҷқәа драз­
ҵааит апап.
– Мап.
– Мамоу... – рҳәеит.
– Уи зыхьӡу уиоуп, – иҳәеит, – абра қырҭуак дышнеиуаз аӡәы аҽада дақәтәан дааиԥылеит.
«Закон божий» ауп.

– Аҭа? – иҳәан, ҿааиҭит, дҵааит аҽада иақәтәаз.
– Ара!.. – иҳәеит егьи.
Абас ала Аҭара ҳәа ахьӡ ҟалазаап убо-о. Аҭа зыхьӡу
ҭырқәшәала ҽадоуп иҳәеит, иҵаауаз даҭырқәан. Ара
зыхь­ӡу уи мап ауп, қырҭшәала, исзеилымкааит ҳәа ауп...
Аб­ри аҩыза аџьашьатәы саҳаит ҳәа ҳаиҳәон усҟан ишкол­
хәы­ҷыз Кәыҵныи Ҷыӷьыц иԥа Фама Кәыҵныи Ормаҭиԥа Ӡыкәыри сареи... Уара, арҭ ара инеины еизҵаахуа ас
ахьӡ анарҭоз, ара уаанӡа аԥсуаа нымхаӡоз, убри ииҳәаз
шиашоу ус гәабзиара Анцәа ииҭааит уи апап гызмал,
уажә дахьыҟазаалак... Ешбеи Лакәабеи ангыла, дықәҵны
дыбналан дахьааз дцеит, ҿааҳәыра Анцәа иумҭан.
– Иара Аҭара зыхьӡыҵәҟьоузеи? – дҵааит Ҳабыџь.
– Уи зыхьӡу уиоуп, иахьа Аӡҩыбжьа аҩада аԥшь инаркны Наа лбаа агәаҩанӡа, ари 15–20-ҟа километр бжьоуп,
70-ҟа метра иҵаулан бгарра ҭакнаҳаны, цәыҵараны,
ҭыӡны, ахықә дәраны, мрагыларатәи Кәыдырхықә гоуп,
Кәыдры аха, ма жәытәла ахы, ма аҭа ақә. Ари аҳаракыра
ақә, аҟьаҟьара жәытәӡан Ҳаҭара ҳәа иашьҭан. Ҳаҭа ду ма
Ҳаҭа, Ҳаҭ аҭа, аха ҳәа ицәажәоит, аԥхьа игылоу ҳ аӡоит,
иаҵәахуеит, Аҭара ҳәа иартәоит. Ҳаҭа, Ҳаҭ ҳаракыроуп,
иҵегь аҵанакқәоит, жәытәла аҳҭны ҳәа ицәажәаргьы
алшоит. Ҳаҭаҳра акәзаргь ҟалоит, ахықә ҳарак ҳәа, ҳ-қәа
аӡоит... Абаа хыжәжәахагьы хықәгылоуп, Аҭара Ашҭа
ҳәагьы иашьҭоуп...
Жәытәан абри абгарра ҵәҵәаны, ҵәаны – ҷҷаны, ҷаны
ҳәагьы иашьҭан, аԥсуа-ашәыла, акаҵәараз акаҷара зҳәоз
шыҟаз еиԥш, уи абаза-ԥсуала, нас ҷ-қәа акны иартәеит.
Абра абри абгарра ақә ашьаҟьасҭа ахәҭак жәытәнатә аахыс Ҷҷаны, Ҷаны акәын, Ҷанаа нхон, Ҷанқыҭ ахьӡын,
иахьанӡагь инхоит. Ара иазынасҭхаран мрагыларахь
хәроуп, иҵегь ҳаракыроуп, иара лаҟәыран иаԥхьаӡоит, уса­
ла­­­гьы ҷаны ауп... Са ишыздыруа абас ауп. Иахьа Кәыдры
аҵә­ҵәаԥшь(а), аҵәаԥшь(а) ҳәа абасгьы иашьҭоуп... Иара
уажәгьы абри ақә аҟьаҟьара аиҳарак ҵәарсҭоуп, абна гыланы, ккараны, адгьыл акырџьара акыц аҵаны, ақәаӡы

зыҵамло, узыламло уахьыҵашьшьқәоу ыҟоуп... Жәы­
тәан ианџьразгьы ыҟан рҳәон, хбарраны, акык-ҩбак аду­
қәа саргьы сырхаануп, ажәытә ар рчаӡырҭа афрын-ҳәаԥ
хәыҷқәа бга-бганы иҵыҳәҳәо акырџьара иубоит... Уа ӡыр­
жәтә амаӡам, ажәытәгьы ус акәызҭгьы, ар Кәыдрынтә аӡы
харгалозар акәхарын. Усҟан иҟаҵәҟьаз здыруада, аха... –
иҳәеит Кыҷа.
– Аҭара Аҭарба аҟынтә акәӡами, уа Аҭарба Иҳәсҭа ҳәа­
гьы аҳабла ыҟоуп, – нахиҳәааит Қьача.
– Уи уажә уара ишуҳәаз аҟнытә ауп зҳәозгьы дыҟан,
аха аҭоурыхҳәаҩцәа ддыриашон. Урҭ изларҳәоз ала, ари
абаза-ԥсуала Аҭарбеиҳәысҭа ҳәа ауп, жәытәӡан ус акәын,
ҳә хә ала изҳәоз ыҟан. Аха иара абригь акәӡам – Ҳаҭа
рбеи ихәыхәсҭа, Ҳаҭа рбыи, рби икәыхәсҭа ауп, беи, бы,
би даҳан, ари маӡа дууп, иахьахьӡугьы еиҭагоуп, иара
иҵегь ладоуп иахьыҟоу, адгьыл еиқәԥсаны ахәы аҵыхә
аҭоуп, шьхапаҿҵасгьы еиқәԥсаны мраҭашәарахь ала идуны иавартәоуп, жәытәан абри ашьамхқәагьы аман, иаан
иқәынхаз мхырҭас иҟаиҵан даныцәаӷәоз хәыҷы-хәыҷ
иамнахит, иеимаирҩызт акәымзар. Арихәыхәсҭоуп, ҽака­
ла иуҳәозар дахьыцәоу ауп иахьатәиала – дахьжу. Уа азааи­
гәа саҳәшьа ду Арухан лԥа Шьааб дынхоит. Амҳаџьыр­ра
ашьҭахь дхынҳәны даан дынхеит. Ари гәылааигәада данынха, Кәыҵныи Пина-иԥа Лапаӷә днеиԥхьан дынирхеит.
Ара иааиз, иазылаҟәшәа иахьыҟаз, иашҭа аҵыхәан аҵыџь
шижуаз 10-ҟа метра дцахьан еиԥш, абаагәара аҭӡы ахьы­
ҵаз ибеит, иадырххылан иақәшәеит, иавагылаз ахәы ашҟа
ирханы убрахь иҵалозшәа иҟан. Хаҳә дук аамихын, хыхь
ихагалан иқәиҵан ижуан. Крыфара ҳәа данҭыҵ иқәиҵаз
ахаҳә еиқәаҵәа абаҟаз ихәашхәаша ицахьан.
– Амра азымчҳаит. Ари заҟа нызқь шықәса ахыҵуаз
шьҭа шәа шәазхәыц. Уа адгьыл ус ицәаакырамызт, аӡы
аԥыр­хагахартә еиԥш... Еимарԥсан, нас наҟ инаскьаган
ир­жит, – иҳәеит Кыҷа.
– Аҭоурых ҳауҳәеит, Кыҷа. Абаза-ԥсуақәа, ашәы-ԥсуа­
қәа аӡиас аҟәыҵәа кәыҵ, кәыҵын ҳәа иашьҭоуп. Убаса-

ла тәрык ыҟазаргь ауеит. Ҳарҭ ҳаԥсацәоуп, аха ҳаззегь
абазақәа ҳауп. Егьыс, иацсҵар исҭаху уиоуп, Ҷанқыҭ
жәытәан ҷҷаныҳ(а) акәын, ари Ҷанаа рықә, раҳаракыра
ҳәа ицәажәоит, ргыларҭа ҳәагьы; ҳә ҳ ала изҳәоз ыҟан,
жәытәӡала ҳә(ы) агыларҭа ҳәагьы ицәажәоит. Убра Аҳәаа­
гьы нхоит ҳа-ҳәы – ақә агыларҭоуп, абри ажәла атәрык
жәытәан аԥхьа ҳ гылан, нас иаҵәахит, уи иҵегь аҵа­
накқәоит, аха. Анаҩсан, жәытәан аҭӡы ҽа хьӡыкгьы аман,
убри еилызкаауа маӡак ааиртуеит рымҳәоз – уи ҭҳы
акәын, ҭҳагьы зҳәоз дыҟан, аха. Ихәыҷызар – ҭҳызӡ, идузар – ҭҳыра; уи ақә – ҭҳы аҭа, аха акәын, нас ианеилала
ҭҳары, ҭҳара ҳәа иартәеит. Аха ҳ мазашәаруп, иаҵәахуеит.
Абри аԥхьа ҳа гылазар аҭыӡ ду, аҭӡы-бжьында, аҭӡыха,
аҭӡыӷа ҳәа иарцәажәоит. Ари Аӡҩыбжьа алаҟәыреи Наа
алаҟәыреи ирыбжьдоуп, ханы, ганы иаԥхьаӡоит, ахәра,
аҭәра адагьы, аҩлаҟәырак, жәытәла иуҳәозар, иаҳа­уеит.
Уажәы абра ашҭаҿ амбашьаҟа ҩарсны нас ашҭа унҭы­
ҵны ҽакгьы ларсны ашаха бжьудар иахьӡузеи – иуҳа­
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 06
  • Büleklär
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3683
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2262
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3647
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2302
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3613
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2244
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3620
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2215
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3759
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2132
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3664
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2356
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3624
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2328
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3581
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2231
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3571
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2300
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3607
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2337
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3713
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2050
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3648
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2222
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3623
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2146
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3575
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2293
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3607
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2334
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3619
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2391
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3607
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2412
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3723
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2182
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 19
    Süzlärneñ gomumi sanı 3737
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2236
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 20
    Süzlärneñ gomumi sanı 3771
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2323
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 21
    Süzlärneñ gomumi sanı 3737
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2374
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 22
    Süzlärneñ gomumi sanı 3663
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2239
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 23
    Süzlärneñ gomumi sanı 3428
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1451
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 24
    Süzlärneñ gomumi sanı 3327
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2515
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 25
    Süzlärneñ gomumi sanı 3771
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2148
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 26
    Süzlärneñ gomumi sanı 3728
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2106
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 27
    Süzlärneñ gomumi sanı 553
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 422