LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 04
Süzlärneñ gomumi sanı 3620
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2215
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
ҿымҭӡо дӡырҩуа дтәан.
– Уара, Чагә, уи хәыԥшқамзар ҟаларын, иаԥшшәыз?! –
дҵааит Хәмаскьа.
– Ҟоҳ, Хәмаскьахеит, хәыԥшқамкәа, ицәхаԥшьын...
Изаҟараз удыруама!... Уимоу, ахьӡҵәҟьагьы аман...
– Иахьӡыз, уара, иахьӡ?! – иқьышә ачча ықәххуа, дҵааит
Шьханыҟәа.
Кьамсыс ҿымҭӡо дахьтәаз, дара ирҳәар аҵкьыс игәа
хәын, дыччашәа уны, ҿааиҭит:
– Иахьӡыз умбои, Кьамсыс ахьӡын...
АРСАНА
И МАХҼ
– Чагә, ҳзырччаша ҳәа уаҳа акрыҳауҳәома? – иазҵааит
зны, рччага жәабжьк анреиҳәа ашьҭахь.
– Даҽакгьы здыруан, аха... – иҳәеит.
– Уи арбану?
– Уи арбану уи ауп, уара иумоузеи сара исымоузеи ҳәа
ашәҟәқәа ранҵара ианалага, хҩык, рсахҭан палта кьаҿқәа
ирҭашьшьы, еиҳәҭагыланы Арсана ҳәа гәыԥтәык иашҭа
иааҭалт. Иара уаҩ бзиан, хандеиҩын, уаҩы хәмарҩын.
– Уаа бзиала шәаабеит!.. – иҳәеит Арсана, днарԥылан.
– Бзиа ҳауба, цәгьа ҳауба ҳааит...
– Иумоу арахә ашәҟәы ианаҳҵоит.
– Иҭаҳаҩуеит, – рҳәеит.
– Ибзиоуп, – иҳәеит Арсанагьы.
Амаҵурҭаҟны инатәан арахә ранҵара иалагеит.
– Иумақәо ҳәала!.. – иҳәеит руаӡәк, аукы. Арсанагьы
дналагеит.
– Ҩ-жәхьак сымоуп.
Ҩ-жәхьак ҳәа инанырҵеит.
– Аҳәарақәа умаӡами?
– Убарҭгьы ҩба ыҟоуп...
– Уаҳа?
– Ҩ-ӷааҵыск...
– Уаҳа иумоузеи?
– Ҩажәижәаба џьма...
– Зегь џьмахьақәоума?
– Жәаҩа џьмахьоуп, егьырҭ – ӡари-қыжәи.
– Уаҳа?
– Уаса сзаным.
– Аҳәақәа умаӡами?
– Аҳәақәа уажә ирацәахеит, ирзызуазеи...
– Уаҳа акгьы узанӡами нас?
– Ԥсаатәқәак ыҟоуп, кәытқәаки шәишәиқәаки, уи аҳә
са роуп издыруа...
– Аҽы узанӡами, аҽы?.. – дҵааит ани ау.
– Исзанымкәа – ҳаи исхамышҭхьаз! Ҽыкгьы сымоуп.
– Аа, иубома, ашәахтә рацәахар ҳәа ушәаны, аҽы ҭоум
ҩырц угәы иҭан... – иҳәеит ани ау.
– Мамоу, џьоушьҭ, ус ахьԥоуҳәо, исгәаламшәеит... –
иҳәеит Арсана.
– Уаҳа акрыузанума, камбашь егьи, ашәахтә уацәшәаны
уигьы умҳәоу? – иҳәахт еиҭа ани ау.
Арсана дхәыцуа дахьтәаз даацәажәан:
– Усгьы ижәуам, махҽкгьы сзануп, ианышәҵа!.. –
иҳәеит.
Арҭ ахҩык иџьаршьан, инеиҿаԥшы-ааиҿаԥшит.
Амахҽ ажәытәӡан акәын ҳәа, уажәы Аԥсны уаҩгьы изанымызт.
– Амахҽ узаныҵәҟьоума?!
– Избандаз! – иҳәеит.
– Уара, аиаша уҳәаҵәҟьома?! Иабаҟоу?! – иџьеишьан,
дҵааит ани аугьы.
– Иабаҟаху, абна, шәахьындәылҵуа ацаҿы шәнеир
ижәбап... – иҳәеит.
Иахьтәаз амаҵурҭа ашьҭахь ашә аҿан, ацагьы уа иавагылан, иҩыҵибарҟьан инеит, аха акгьы рымбеит.
Ихынҳәны иааин амаҵурҭа ашьҭахьтәи ашә инылагылан, Арсана рхы наиқәыркын:
– Уара, Арсана, ара акгьы ыҟаӡамеи?!
– Амц умҳәазааит?! – рҳәеит.
– Иабыкәу, уара, ара умахҽ ахьыҟоу?!. – даацәажәеит
егьи аугьы.
– Хыхь шәнаԥшы, уара, хыхь!.. Аца иҭамзааит?!. – иҳәеит
Арсана, дахьтәаз дымгылаӡакәа.
Аца ҩбаны еихагылан, хыхь аԥш ҭаԥсан, еилалыршә
шәозу здырхуада, Арсана иԥҳәыс убра дҭазаап. Лара ау
кы лакәын, ацәажәабжьқәа анлаҳа, амахҽ еиԥш лыбӷа
ырхәан, лхы аца иааҭлырҳәҳәеит.
Ари збаз рқьышә ачча аақәххит, ау ида, избанзар, аца
иҭаз Арсана иԥҳәыс иара иаҳәшьа лакәын.
ЧАҴ Ә ЧАГӘ И АԤЕҲАМ БАР И ,
МАМЗАРГ ЬЫ АԤСЫ БЗИ ЕИ АБЗА Б А А Ԥ С И
У
и аҽны Аиааира хәышықәса ахыҵра азгәарҭон.
Ианеилга, уажәы Тыкәа иԥа Беслан Быҭәба иса
сааирҭа «Рыҵа» аҿаԥхьа амшынҿықә аҿтәи акаҳуажәыр
ҭаҿы итәаны ицәажәон, аибашьра иалахәыз реиԥш иа
лахәқәамызгьы ыҟақәан.
– Ишыжәдыруа еиԥш, фышықәса уажәаԥхьа, 1992 шы
қәса нанҳәа мза 14 азы, ашьжьымҭан, Аԥсны Аџьынџь
тәылатә еибашьра иалагеит, – иҳәан, иажәабжь днала
геит Гарри Аиба. Уи арахь дааны, урурҳәа иахьеилоу,
рацәак дтәалаӡомызт, аха иахьа ус иақәшәеит. Уажәы
иажәа иациҵон: – Абри аҽны, – иҳәеит, – Қырҭтәыла
Аҳәынҭсовет ар, абахҭақәа ирҭакны контрактла мызкы ҳәа иоурышьҭызгьы нарылаҵан, Аԥсны иақәлеит.
Хыԥхьаӡарала 97 нызқьҩык иҟаз аԥсуаа ԥшь-миллионк
инареиҳаз ақырҭцәа ирҿагылар акәхеит. Абри адагьы
Иосик Џьуӷьашьвилии Лиаурент Бериеи15 200 нызқьҩык
инареиҳаны Аԥсны иааган иаландырхахьаз дара ртәқәа
гьы аԥсуаа ирҿагылт. Заанаҵ наҟынтәи маӡала абџьар
рзааганы, аибашьра азы ҳәа, ирзырҵәаххьан. Қарҭынтә,
егьырҭ аҭыԥқәа рҟынтәигьы, агитаторцәа ықәҳа маӡала
ирзаауан, аԥсуаа шәырҿагыл, шәрабашь, ҳа ҳтәқәа аргьы аауеит ҳәа. Еқәырчаҟә адольльарқәа16 рзааргон...
ишәымдыруеи... Абри аамҭаз, ара шьоукгьы, априказ ҟа
ҵаны аԥсуаа рышәарыцага «ԥилҭақәа» рылган еизганы
ирҵәахуан... Уи уажә иазаауазеи, раԥхьа убас шакәызгьы,
нас, зегь ҳанеигәныҩ ашьҭахь, 1993 шықәса цәыббра мза 30
рзы ақырҭцәа-мпыҵахалаҩцәа рыргьы даргьы ԥхарсны,
ираҳәҿасны наҟ Аԥсны иалцан Егры ирцаны иҟаҵан.
Аԥсуаа иҳацхраауан Нхыҵынтәи ҳашьцәеи ҳҩызцәеи,
аҳәаанҭыҵ инхо аԥсуаа рыҷкәынцәеи... Абри аибашьраан иҭахеит х-нызқьҩык аԥсуаа иреиӷьыз рҵеицәа,16
Арҭ ахьӡқәа ус дара шьоукы ишырҳәалоз еиԥш иҳәеит.
Адолларқәа роуп, дара рцәажәашьала ирхәмарны иҳәоуп.
апатриотцәа... Аҟәеи, Гәылрыԥшьи, Уачамчыреи, Гали
1992 шықәса нанҳәа мза инаркны 1993 шықәса цәыббра
мза азынӡа Шихварднаӡе17 иааишьҭыз ампыҵахалаҩцәа
рхатәан. Цәыббра мза 27 рзы Аҟәа ахы иақәиҭтәын, абри
амза 30 азы ампыҵахалаҩцәа хышәшәахқәа, ишысҳәа
хьоу еиԥш, Егры ирцан наҟ иахцан. Аибашьра алагам
ҭазшәа Шихварднаӡе ир Гыртәылагьы ҩ-раионк мбатәы
иҭаргылан ирыман...
Арҭ аамҭала изхатәаз Аԥсны ахәҭак аҟны, ар рымаҭәа
зшәыз ақырҭуа ӷьычкәырцәа, ишәҭаху ҟашәҵала ҳәа,
абџьар зыркны иаарышьҭыз, иҟарҵоз оман: сиала, хьӡын
ҵала, аԥсуаа рышьрақәа, арҳәрақәа, акнаҳарақәа, рыԥсы
шҭаз рыжрақәа, аԥсцәа рырҳәрақәа, ирҿашәоз аҳәса
гәаранла рцәаԥҽрақәа, аҭынчуаа рыхқәа хыҵәҵәаны ага
рақәа... – рызегь узеиқәыԥхьаӡарым... Аԥсны амал алган
агәақьҳәа агара иаҿын: ԥраалла, ӷбала, машьынала... Даҽа
шьоукгьы – ашәанцәа – идырҳәыз амал Кәыдры ахахьы
иганы ирҵәахуан, наҟ Шәаныҟагьы ихаргалон...
Ари шәарҭ ишәыздырам ҳәа акәым, аха абас еиԥш
арҭ ацәгьоурақәа уаҳа рҵыхәа анԥымҵәаӡа, Анцәа иԥе
ҳамбар дылбааишьҭит, уца, иҟоу гәаҭ, зегь цқьа еилкаа
ны исзаага, нас Шьеварднаӡегьы Арӡынбагьы срыԥхьоит
ҳәа иаҳәаны.
Ари Аԥеҳамбар дылбааны ахьара-хьараҳәа дҽыжәлан
дшааиуаз, Тамшь Кәтоли Џьгьардеи рышҟа ицо амҩахы
ҵырҭаҿ, уанааҵәилак, акаҭран мҩа аҿықә иаваҵан аазеи
шәа столқәа хәхәаӡа еиҿаԥшьны, фатәы-жәтәыла иқәыр
ҭәаа ҟьарҟьарҳәа иахатәаз даарывалт. Арҭ ақырҭуа ир
иреиуаз ракәын, «Кузмич»18 «аԥсшәа иазҳәахьаз» рыбла
қәа жьаржьалеиуа иахьтәаз иубон. Аԥеҳамбар дыԥшызар,
ҷкәынак маҭәа шкәакәала деилаҳәаны, апапыч шкәакәа
қәа ишьаҵаны аханы дыштәаз аагәеиҭеит, аха дҵысуам,
дқәацом, – дыԥсны, аишәа дахартәаны дрымоуп, аҩыШьеварднаӡе. Ара ус иазырҵәины иҳәоуп, даҽа ҵакыкгьы
аанахәартә еиԥш.«Кузмич» – жаргонла рҩашьыгажәлоуп.
имҵаргыланы... Ари сара схы иҭысҳәааӡом, иҟалаҵәҟьаз
ауп, Аԥеҳамбар ус амҩан дақәшәеит ауп акәымзар. Изакәу
уиоуп, аԥсуа ҷкәын имашьынала ҳпартизанцәа рхәы
шигоз ампыҵахалаҩцәа алашәага реиԥш дрылашәеит.
Дахьцоз анеилыркаа, ирзигоз рыхәгьы рымбоз, иааи
гәыдырҵан дыршьит, имашьынагьы ртәыртәит. Ишашьцылахьаз еиԥш, инацәа хҵәаны имацәазгьы ргеит, ихь
тәы хаԥыцгьы ыҵырхит, иџьыба ианҭаԥшы, ипаспортгьы рбеит, сҭахар ҳәа ишьҭихзаарын... Уи уаҵәы 20
шықәса шихыҵуаз ранаҳәеит. Абра уажә «иазгәарҭон»
уи имшира... Аха иац иршьыз иахьанӡа дхамҟәало, ас
тол дырзахамыртәо даншәы, ааигәа ачаӡырҭа афрын
ыҟан, ицәыршны, ихы-иҿы ҭаӡны, қәабшьҭу чуану акы
ихы иҩахарԥаны, деилыхны дҭарҵан, данаршы, дхы
қәдыртәалартә иҟалеит... дхықәнартәалеит... Уажә уи
дырныҳәон, аԥсуаа зегьы, ирҭаху-изҭахугьы налаҵан,
Нхыҵ рашьцәагьы налаԥхьаӡан, абас рымширақәа абри
итәы еиԥшны иазгәарҭаларц изеиӷьаршьон... Ԥҳәыскгьы,
шьҭа быргк, ашәы лышәҵаны, даамҩахыҵны даарывалт,
Аҟәантә Џьгьардаҟа шьапыла дцозаап, Сангәлиак. Џьгьар
датә лдырк қырҭуак димазаап, убри лыҷкәын абра дры
вагылан, даниба, дылԥылан дрывган ддәықәиҵеит...
акәымзар, иахьтәаз ус урывсны уцар ҟалаӡомызт... Насгьы, ақырҭшәа удыруазар акәын... Уиоуп уи аԥҳәысгьы
деиқәзырха, қырҭшәала длацәажәон...
Аԥеҳамбар атрассала даауан Аҟәаҟа ихы рханы, ани
аҷкәын аԥҳәыс ддәықәызҵаз «деилыргаҩызаап». Аԥе
ҳамбар ахаҵәирҭа данаавала, уабацои ҳәа днеиԥылт, аха
аҭак аныҟаимҵа, иҭеиҭԥшгьы аниба, иааицәымыӷхан,
днахынҳәит. Аԥеҳамбар убра рызегь шьҭеиҵон, анҭ
зҿыз ани имбо дыҟазма, аха уажәазы, акгьы рамҳәакәа
дцеит, Тамшь атурбазаҿ шәахьгылоу хаха-хымш ирхым
гакәа абри ҟазҵо шәа шәакәзар, шәықәӡааит ҳәа дагь
рықәшәины... Ашьҭахь, ус иагьыҟалеит: ақыҭақәа рылалара, рыжәлара урҭ ирмаӡеит, Тамшьи Кындыӷи усгьы
иқәырххьан, аха – ҳдесант амшын иааӡхыҵын, иҟәаҟәан
ицеит... Ашьҭахь избоз ирҳәон 500-ҩык раҟара алафеҭ
қәа ирныжьлан ианеизыргоз аабон ҳәа... Рыбаҩ ахьы
ҟоу, иахьыргаз рҭаацәагьы ирзымдыруазар акәхап,
уахь ицәырыргозма, хабарда ибжьаӡит ҳәа рарҳәозар
акәхарын, ҭаацәа рымазу уигьы сеидроу, аха рабаӡӡеи
дыҟамыз, Едыкь Шихварднаӡе, амшьҭацәгьажә – иара
иҵыхәала акәӡами урҭ шҭахаз? Арахь ирусхәыз, бџьарла
еибыҭан, иқәшәх ҳәа иаазышьҭдаз?..
Астәи Аԥеҳамбар Аҟәаҟа дцеит. Уа даннеи еиликааит
1992 шықәса абҵарамза 22 азы, ҽнак ала, ақырҭуа мпы
ҵахалаҩцәа Аԥсны аҭоурых зегь, ауаа ишырбоз, аҽны
шьыбжьон ишырблыз – Аԥсуаҭҵаара Аинститути, уи
архиви, Аԥсны Аҳәынҭқарратә архиви лықәццышәаа
ишыргаз, днеингьы иблала ибеит. Ианырбылуаз аҽны
асааҭ ԥшьба рышҟа аусура ианалагоз аамҭаз, аҩбагьы
амца еицрыцрарҵан ирыкәшан игылт, игәаӷьны изыр
цәарц инеиуаз аҟәҟәаҳәа втоматла ирыххысаауан... Аԥс
ны аҭоурых арӡра адагьы уи даҽакгьы ҟанаҵеит: Аԥа
ҵаду напыхьараџьи Абласаркьеи раамҭаз иааган индырхаз 200 нызқьҩык дара ртәқәа шааргаз, ианааргаз
атәы документк иамҳәаӡо, жәытәнатә аахыс урҭ ара ин
хозшәа иааҟалеит... Абаҟақәа ракәзар, ахҭыԥ иарганы,
рылақәа ҭыцҟьаан, рлымҳақәа ҿыжәжәаны, рԥынҵақәа
амыжәжәан... арҩашьыга лаҵага гәырқәа ана-ара еиԥ
хьатта икаԥсаны... Ас еиԥш арҭ аниба, уаҳа ажәак мҳәаӡа
кәа Аԥеҳамбар Анцәа иахь дхынҳәит.
Ари Аҟармарала наҟ хыхь дцозаап, Гәыԥ даналсуаз
аамҭаз жәытә баашәла ихкәыршаз ҳаҭгәынк, нышәынҭрак
азааигәа дшавсуаз «Арахь уааи, ак уасҳәоит, арахь!..» ҳәа
аӡәы ибжьы ҭыҩны иаҳаит. Уахынлан, аха Аԥеҳамбар
дшәара дыҟазма, «Уарбану?!» – иҳәан, дышҽыжәыз днеин
даавагылан, иҽхырҳәҳәан дынҭаԥшит. Убра анышәынҭра
агәы аӡә дкәеҩӡа дықәтәан, – иҳәан, аибашьра иалахәыз
ажәабжьҳәаҩ Гарри ԥыҭрак дааҭгылт, иагьааҭынчрахеит.
– Нас, нас, Гарри?!. – иҳәеит аибашьра иалахәыз да
ҽаӡәы – Витали Смыр. Гарригьы иажәа инациҵеит:
– Ҟоҳ, Чаҵә Чагә уоума?!. Уажә аччара иаамҭам... –
иҳәеит Аԥеҳамбар ари даниба.
– Сара соуп, астәи ушаауаз здыруан, уҽы ашьапышь
ҭыбжь саҳаит... сгылар аӡәы сибар ҳәа сшәон... – наиаҭеи
кит Чагә.
– Иуҭахузеи?! – дҵааит Аԥеҳамбар.
– Соуушьҭроуп!.. Аԥеҳамбар иуҳәар, азин соуеит, са
қәиҭхоит, уахаҵәҟьа сцоит!.. Ара абысҭа ыфо егьиуа, амш
го сызҭатәом, сыжәлар аибашьра иалагылоуп... – иҳәеит
Чагә.
– Уара уоума, ибналақәаз, Аԥсны иалҵны ицаз ауаа
ҟәазмазқәагь ыҟоуп, уара убыргуп, ара аус умоуп, ара
уҟаз!.. – иҳәеит Аԥеҳамбар.
– Мамоу, сцароуп!.. – иамеикит Чагә.
– Уара, уара арахь уанбеиаси? – дҵааит Аԥеҳамбар. –
Исгәаларшәеи.
– 1930 шықәсазы, – иҳәеит Чагә, – убриаахыс абра
сыҟоуп.
– Нас убриаахижьҭеи абра уҟазар, иреиӷьу ауаа ра
цәаҩны арахь иаахьеит, аԥсы абџьар азышьҭхуам, ҵасым
рҳәогьы умаҳаӡеи уахьыҟоу, узлоу ажәытәуаа рҟны?
– Ишԥасмаҳаи, аха ма Аҟәанӡа сцоит, Шихвардноӡе19
дааны Аҟәа дықәтәоуп, дшыцәоу сҩеихагылан, ак иаҳәан
схынҳәуеит!.. Уаҩгьы симбакәа анеишьагь здыруеит!.. –
иҳәеит Чагә, иагьнациҵеит: – Ма аԥхыӡ бааԥс исырбоит,
данааԥшлак дҿаҳахартә, дзымцәажәо иҿы акыртә еиԥш...
– Џьаргьы уцаӡом, абра уҟоуп! Иаҭаху ҳара иҟаҳҵоит!
12-ҩык аԥеҳамбарцәа рахьтә сара саԥсуоуп, Аԥсны садуп!.. Амала, Аҟәа зегь дырҳәуеит: автобусқәа, атаксиқәа,
атроллеибусқәа, адәыӷбақәа рпаркқәа; ааглыхратә нап
лакқәа ртауари рхәырхьынқәеи; дәқьанс, универмагс
иааҟоу ирыҩноу амал зегьы-зегь агара иаҿуп, иргоит...
Иалҵны аамҭала изцаз аԥсуаа рмалгьы убас ахьуеит...
Убас рзыруеит Гәылрыԥшьи, Уачамчыреи, Гал абжаки
ақалақьқәагьы...
Аригьы ари ажәла усала иҳәеит.
Аԥсахҩцәа шьоукы рхамқәеи рмашьынақәеи нхоит,
ирзызыхьчо шьоукгьы ыҟоуп, аха урҭ ртәы нас ҳахәаԥ
шуеит... – иҳәеит Аԥеҳамбар.
– Аԥсуаа акгьы шырхарам, ақырҭуампыҵахалаҩцәа
иҟарҵо закәу ублала иумбеи? Ақалақь агәҭа Ефрем, Омар
ҳәагьы иарҳәон, Ешба ду ибаҟа-ҳашҳатәара ахы шаҟантә
еихсыз, шаҟа хҭыԥ анырҵазгьы гәоумҭеи?..
– 37, – иҳәеит Аԥеҳамбар.
– 39, – даҽа ҩба нациҵеит Чагә, – ихәда аҟынгьы
ҩ-хҭыԥк аными, уи ихәдоуп, аха. Ԥаса иаргьы харада
дагьыршьуа, уажә ибаҟагьы аҟәҟәаҳәа еихсуа... Уи амацара аума... дахьаԥсуаз азы ашәҟәыҩҩ ду Таиф Аџьба дыршьит, дахьаԥсуаз азы артист ду Мажара Зыхәба дыршьит,
дахьаԥсуаз азы аҭоурыхҭҵааҩ ду Витали Быҭәба илгеит,ус
заҟаҩы...
– Уи аадыруеит, аха уажәы шәара ишәхароушәагьы
иҟалаз ыҟоуп... – иҳәеит Аԥеҳамбар.
– Ишԥа, уи арбану?!. – иџьеишьеит Чагә.
– 1992 шықәса ԥхынгәы мза 23 азы ажәлар рхаҭар
накцәа реизара – апарламент аҟны Аԥсны хазы ицеит ҳәа
шәыдышәкылеит.
– Дара СССР аҟынтәи хазы ицар ҟало, ҳара дара рҟын
тәи, ԥаса ҳшыҟаз еиԥш, хазы ҳцар амуа, уи закәхеи?!.
Ҳара мчыла, еижьаралагьы, урҭ ҳрыдызҵаз р-Џьуӷашь
вили иоуп, аԥаҵа ду: Қырҭтәыла шәадлар – ареспубли
ка шәысҭоит, Урыстәылахь шәцозар, аобласт ауп ишәауа
аниҳәа, ареспублика еиӷьаршьазшәа ҟарҵеит, уаҳагьы
ԥсыхәа рымамызт, избанзар, Маскәа Кремль абаа иҽыҩ
наижьхьан, амаа иара икын. Акәымзар, ҳара хазы ҳаҟан,
ҳҭоурыхқәа умдыруеи... 1931 шықәсазоуп арҭ уажә иҳаба
шьуа рышҟа, иҳазҵаауашәа ҟаҵаны, ҳанамадыргәагәа...
– Уигьы аадыруеит... – иҳәеит Аԥеҳамбар. – Уҭахызар,
усыцаала! Аҟармара сызҭало аԥраал, арахәыхә20* – уи
зыхьӡу жәдыруоу уажә шәара, ишәхашҭхьоу? – умшәакәа
усыцҭал, нас ҳахьцо убап!
НЛО ҳәа изышьҭоу. Уи жәытә ԥсуала иҵегь ахьӡқәа амоуп.
– Уи абыкәу?! – дҵааит Чагә...
– Ҽыла дыҟан уҳәеит, уажә аԥраал дышԥаҭало?!.
– аҵәы налеиҵеит аӡәы, дхаҟәӡа дахьтәаз, ҽырчча
ҟаиҵан.
– Иҽы «Комитет спасения»21 иеиҭеит, шәхы шәыхьча,
шәыҽрышәҭ ҳәа реиҳәан... – аҭак ныҟеиҵеит Гарригьы. Егьигь дааиқәнакит, уи далазар акәхарын. Нас Гарри инациҵеит: – Иҽы урҭ ишԥариҭоз, ақырҭцәа инаган
ирырымҭоз... Уи ирашьын, ианиҭахыз иахьиҭахыз иааин
икаԥон, ианоуишьҭлак иԥырны аҭыԥ ахь ицон, уажәгьы
иоуишьҭуан, иԥырны аҭыԥ ашҟа ихалан ицон. Иара, Чагә
иҭахызар дигарц, аԥраал изылбаарышьҭит... Мамзар диҽ
хьынҵаны дигозма, – иҳәеит.
– Нас, нас, Гарри, уажәабжь нагӡалеи! – иҳәеит Ас
ланӡыи Денуар, Гарригьы еиҭа инациҵеит:
– Ҳаннеилак иҟоу убап, уԥсы анҭаз еиԥш уааҟаҳҵоит,
аха арахь Адгьыл ашҟа уааны ауаа рахь ацәырҵра уа
қәиҭым... Мап уҳәозар, – уҟаз, амала арахь уҳацмаалар
умуазар, даҽа ҭеиҭԥшык уоуеит, – иҳәеит Аԥеҳамбар.
– Сыжәлар кажьны сызцом... Иҟалозар, абра уажә ака
зы суазҵаарц сҭахуп, аҭак ҟоуҵозар – суццоит, иузы
ҟамҵозар – акы суҳәоит, – иҳәеит Чагә, – уара уԥеҳам
баруп, зегь удыруеит, аха уи аҭак узыҟамҵаргьы ауеит,
– ҳәа, усгьы нациҵеит.
– Усазҵаа! – иҳәеит Аԥеҳамбар, иааџьеишьан.
– Уажә ааигәа Аҟәа араион Шәбаара ҳәа иахьашьҭоу аҭыԥ
иахьаҵанакуа кәарак аҟны рыԥсы ааиҭаркырц инатәеит
аԥсуа рԥарцәа – аруаа 20-ҩык раҟара. Акәараҿ џьарак
маҷк аҭаҽҽарҭа жәеиԥшь аман. Арҭ рԥыза дналкшәа, днас
кьашәа дахьынатәаз абнантәи ажәытә ԥсуа ашәак акаҩҳәа
аҭыҩра иаалагеит. Ари Гәыма ахақәиҭтәра аламҭалазоуп,
иааны Шьрома зыхьӡҵаны ирымаз...«Комитет спасения» – абас ахьӡын аибашьраан ақырҭцәампыҵахалаҩцәа ҳарҿамгылап, ҳаҽраҳҭап зҳәоз аԥсуаа шьоукы
еиҿыркааз акомитет. Уи Аҟәа иалымҵызи изалымҵызи шьоукы
азыҟаҵан, ма ирықәыӷәӷәан, иаларҵон.
– Изакә хьӡу уахәаԥш ари, иара уара! Шьрома закәи,
жәытәнатә аахыс Гәыма ауп, Қырҭтәылантә ақырҭцәа
Аԥсны иааганы инзырхаз, убас ахьыӡҵан ирырҭеит
акәымзар. Дара рбызшәала уи «аџьа», «аџьабаа», урыс
шәала иуҳәозар, «труд» ауп. Ари газеҭк, журналк, за
уадк уҳәа иахьӡуҵар ауеит, акәымзар адунеи аҟны қыҭак
абас ахьӡны уаҳахьоума?!. Ақырҭуа еиҳабыра шьоукы
рхы иааҭашәалак ҟарҵон, аԥсуа хьӡы қырҭуала аԥсахра
акәын изышьҭаз ҳәа, дара ртәала «аладәныцара» ҳәа убас
аҳәозаргьы, ари ахьӡ Аԥсны иҟазааит ҳәа ус инрыжьуан, –
ныбжьеигалеит Витали Смыр.
– Ажәытәан Гәыма Рион аӡиасгьы иахьӡын, Гәыма(жә)
(а) – Гәымаду, Гәыма аӡы акәын. Уа уажәы ахахьшәа
афымцастанциа ҭагылоуп, «Гәымаҭи ГЕС» ҳәа, ус акәым
зар, ари ахьӡ уа ақырҭцәа иабантәааргоз? Гәымаҭ(ҳ)а,
Гәымаҭа(ҳ) – абасгьы ахьӡын, Рҩана(жә) – убригьы ыҟан...
Гәымсы, Гәымса – Гәым аӡы, Гәыма хәыҷы – уи ара Аԥсны,
Аҟәа иҟоу ауп.
– Уара «Шьрома» ауп шәара иџьашәшьо, уи ааҩс, ара
Баслаҭа, Бырцха зынӡа акаамеҭ ҟарҵеит. Зқьы шықәса
ирзынаԥшуа Аԥсҳа-цҳа ҭархәа ахьху иаакылсын, иҩықә
лан, шахала рҽадҿаҳәалан, маҟҿаҳәара ҩахыс рҽыр
ҟьантазны, ҟыгала, жьаҳәала, ҟыгә-ҟыгә-ҟыгәҳәа, қырҭ
шәала ирдуны аҩыра анҵара ишаҿыз рбеит, ҽыла иҟаз
Адлеи Михеи Быҭәа Едыгьеи – аҭаратәқәа, – нареиҳәеит
Денуар Асланӡыи. – Урҭ реиԥш даҽа ҩыџьагьы ирбеит,
убарҭгьы аҭаратәқәа.
– Ари анбыкәу ианыҟалаз? – дҵааит уажәраанӡа ир
зыӡырҩуа итәаз аинрал Сергеи Дбар.
– 1935 шықәсаз. Ацҳа ашьап аҟны иҭаԥҽны аҳашә кы
ларҭәон, убраҟагьы қырҭшәала акы анҵара иаҿын; избаз
изларҳәоз ала, дара «аремонт» иаҿыз ааҩык ыҟан.
– Ус маҟҿаҳәаранӡа зҽеилызхуа, дара рахь ус иҟоуп,
дықәԥаҩны, деибашьыҩны даԥхьаӡоит, дыргас иры
моуп, уи уахь иагьӷьычҵасуп... Арҭ узҿу ақырҭуа ҭоурых
аԥҵаразы еибашьыҩцәазаарын, «ибоевикцәан», аб
џьаргьы рымазар ҟаларын, ма измаз рхылаԥшуан сгәа
хәуеит, – иҳәеит Сергеи.
– Абџьар абарҭахыз, рыбзарбзан қәацәӡа инаҳәыааҳәуа, агәыцә алҩаҵә ахылбб, Кремль иҩнагылан...
– Маскәа... – ааибырҳәеит. Абри ашьҭахь: – Нас, нас,
Гарри, шьҭа уажәабжь иацҵала, абжьагала ҳамхароу
цәеит... – рҳәеит, иаргьы деиҭаналагеит:
– ...Абас акәара ашәа шҭыҩуаз заҳаз ар-ԥыза илым
ҳақәа рыгәра цқьа изымгазт, егьырҭ иҩызцәагьы кыр
шәаҳауама ҳәа днаразҵааит, урҭгьы ааи рҳәеит, ашәагьы
иҵегь иардууит... Дара, руа иарбан ԥсуа ашәаз рзеилымкааит, жәытәтәын, уи аҩыза уажәада ирмаҳацызт... Ари
ма доуҳак иҟанаҵеит, акы иазҳәан, ма џьарантә иарԥан
ианыҩуан... Абри змааназ закәхарыз? – иҳәан, Чагә Аԥе
ҳамбар днаиазҵааит.
– Уаиааит ҳәа сыҟоуп, Чагә, – иҳәеит Аԥеҳамбар дԥы
шәырччо. – Ари мариоуп, аха сара аҭак аҟаҵара, уи аҳәа
ра, ацәыргара сақәиҭым, дара изаҳаз рхала цқьа ииашан
иазхәыцаанӡа... Иҟазҵоз ҳәа агәҩара роуан, уи азхоит, –
иҳәеит Аԥеҳамбар. Нас: – Егьи иарбану – узсыҳәарц иу
ҭахыз? – иҳәан, дҵааит.
– Аиааира! Аԥсуаа Аԥсны ахьчара рымч ақәхартә еиԥш
адгылаҩцәа Анцәа ириҭааит! Ириҭалааит! Еидгылааит!
Убриоуп сызуҳәарц исҭахыз, – иҳәеит Чагә.
Аԥеҳамбаргьы ус акәхоит ҳәа, ихы ааирҵысын, дцеит.
Чаҵә Чагәгьы «икабинет» ахь днеит, – иҳәан, иажәабжь
даалгеит Гарри, аҵыхәтәан ииҳәазгьы иаарччеит.
– Уара, абри Чаҵә Чагә, иԥсхьоу ауаҩы, уажәтәи аи
башьрагьы далашәырхәыма? Ҳи-ҳи-ҳи... – иҳәан, дааччан
дырҩегьых аҵәы налеиҵеит ани ақәылаҩцәа ирыдыз
цәылоз, илақәа ҭҟыҟӡа дтәаны днеин дахьырзыӡырҩуаз,
ихаԥыцқәа еилыӷрааӡа, уи макьаназ иашьцәа раҳаҭыр
даанагон.
– Аԥсы бзиа абза бааԥс диеиӷьуп... – иҳәеит Гарри уи
аҭакс.
– Дыԥсхьеит, аха, умбои, уахьгьы иҟаиҵоз, наҟ иад
цәыло дшәаны дцәыҵатәаз џьушьо... – нациҵеит Ака
Арӡынбагьы.
– Џьапоу Рушьни иԥа Баҭал, Абжьуаа амацәаз ианҭарк,
аҽы шәар абла аш хылоит, егьабаӡом, алашәага иаразнак
ирфоит ҳәа иеибашьцәа иреиҳәон, – наҵишьит Витали.
Нас:
– Уара, ак уасҳәашан, Гарри... – иҳәан, деиҭаацәажәт.
Уи дагьлафҳәаҩын.
– Изакәи?
– Абри ацәгьаҳәаҩи ашәыргәындеи злеиԥшыми, из
леиҩудыраауеи?
– Ацәгьаҳәаҩ илақәа ҭкәуихоит, иԥсеиԥсеиуеит,
ашәыргәында илақәа хҵәыжуп.
– Иҭҟыҟхоит.
– Ааи. Ихабаҟалоуп.
– Дагьцәгьаҳәаҩны дагьшәыргәындазар, усҟан изеиԥ
шрахои, ишԥаҟало? – деиҭаҵааит Витали.
– Апырвын амҟьоит, – иҳәеит Гарри.
Арҭ ирҳәоз закәыз еилызкааз егьигь, аҳампал кьакьа
ҿаԥа ихәлахазшәа, илақәа ҭҟыҟӡа иччоз днарылаччеит.
БАҚА ИԤА ЗАУ Р
ИАЖӘАБ Ж Ь ЏЬАШ ЬАХӘТӘ
С
аб Бақа излеиҳәоз ала, уи аҽны Ԥақәашь инхоз
Быҭәаа риешьараҿ Анцәарныҳәа рыман, иара хы
шықәса рахьтә знык имҩаԥыргалароуп Быҭәба зхыла
ҳәоу ахьынхозаалакгьы. Ара иҟан аиашьара зегьы: сабду
Нарықь, саб Бақа, нас: Елызбар, Кьамшьышь, Бырдыӷә,
Кауна, Гого, Грышьа, Ӷәото, Радион, Бабышь... иреиҵба
цәазгьы, ахәыҷқәагьы ирзаарыгӡа. Ари аныҳәа усоуп
ишыҟоу, хәыҷи-дуи зегьы ыҟазароуп. Абри еиԥш иҟаз
ныҳәарак аҽны иақәшәеит Мысҭафи Мыџьгәыри Гьерхье
лыиаа Ӷәадатәқәа, ажәабжьҳәаҩцәа дуқәагьы.
Ара аиҳабацәа ахьтәаз ажәытә жәабжьқәа рҳәон –
аеҵәақәа, жәытәла иуҳәозар, ахақәа, аӷақәа, ажәҩан, аӷ
ныжәҩан, жәҩангәашәԥхьара, Анцәа ҳазшаз уҳәа ирыз
кны, избанзар, егьоумҳәан, ари Нцәарныҳәан, Нцәар
ныҳәаран. Нарықь дахьтәаз Чаҵә Чагә иӡбахә аацәыриган,
иажәабжь дналагеит:
«– Чагәи сареи ҳаиҩызцәан. Ара, закәи, иааигәоуп, иб
жьоузеи, Ԥақәашьи Гәыԥи усгьы еивоуп, Чагәгьы ҽнак
аҩны дааин, абыржәы ҳазлацәажәо аҭоурыхқәа иреиԥ
шыз аацәыраагеит.
– Уара, Чагә, абри Еҵәаџьеи Еҵәаџьааи злеиԥшым ҳәа
ирҳәоны иуаҳахьоузеи, аҩбагьы ак ракәу? – сҳәан, сна
иазҵааит. – Са стәала арҭ хазы-хазуп, ишсаҳахьоу акәзар,
– ҳәа усгьы нацысҵеит.
– Уи шыҟоу усоуп, Еҵәаџьаа, уажә иубама, быжьба ыҟоуп, еицуп, еилыџьџьаауа, еизааигәан, Еҵәаџьаа
зрыхьӡугьы убриоуп. Еҵәаџьа ҽакуп, – иҳәеит Чагә.
– Убарҭ абыжьба рахьтә ԥшьба ԥшьоуп рҳәон, убри
закәыз ҳәа иудыруеи?
– Уи убарҭ аԥшьба рҟны аӡы ыҟоуп, егьырҭ ахԥа рҟны
иҟам ҳәа убри акәзар ҟалап, – иҳәеит.
– Еҵәаџьаа рхәы, ма ахәы, ӡы амаӡам рҳәон, убригь
закәыз ҳәа иуаҳахьои, Чагә?
– Харантә Еҵәаџьаа акәапеи хырҟа иеиԥшны иубоит,
ахәы аазҭарпалан. Аӡы ахьыҟало иара акәапеи аҿы аҟны
ауп, ахәы иаман убахьоума, ара Адгьыл аҟны уи ҽакала
гьы ҳазхәыцуеит, аха. Абригь зызҳәоу убарҭ ахеҵәак хәыс
иаԥхьаӡоит, ӡы рымаӡам ҳәа акәзар ҟалап. Еҵәаџьаа,
адуқәа Акәапеи, Аҟәапеи ҳәа рзызҳәозгьы жәытәан иҟан.
Акәапеи, ма Аҟәапеи, ахәы ҩоуп – абасгьы рымҳәози
жәытәан.
– Урҭ урҭ роуп, егьи, Еҵәаџьа?
– Егьи Еҵәаџь, Еҵәаџьа ауп, иҟәазуп, идууп ҳәоуп
иаҳәогьы, арантәи усҵәҟьа идуны иубом, аха. Уи ҽакуп.
– Уажә убра ҽакгьы сазҵаашан.
– Ыы?
– Игәаҩоуп ҳәа ззырҳәоз – руа иарбану, Еҵәаџьа акәу
Еҵәаџьаа ракәу? Сара ишсаҳахьоу Еҵәаџьа ҳәоуп.
– Саргьы убасоуп ирҳәоны ишсаҳахьоу. Игәаҩоуп, ахахьала аҩнуҵҟа иҭалон, убра иҭанхон, иаӷранхон, уаҳа иауамызт, аԥшацәгьа, афырҭын ықәын, уагон ҳәа ус рҳәон
ажәытәуаа. Уа иҭанхоз, иагәыланхоз зусҭцәаз еимаркуан,
ҳара уа ҳанхомызт зҳәозгьы дыҟан, иамазкуазгьы, урҭ
аԥсуаа ирзааигәан зҳәозгьы, ажәлар рацәаҩны иҭанхон
зҳәозгьы... Амала, аҭанхара уадаҩын рҳәон рызегьы. Аха
уи анбыкәу, наҟ жәытәӡаӡатәуп, омажәӡа ҵуеит ҳәа усгьы
ацырҵон.
– Амацәаз Зкәыршаз Аха ҳәа зыӡбахә рҳәоз уи арбаныз? Усгьы рҳәоны саҳахьеит.
– Усгьы зҳәоз ыҟан ажәытә ҭоурыхҳәаҩцәа дуқәа, ииашоуп. Убригь иара акәзар ҳәа сыҟоуп.
– Уара, Чагә, уи Иарцахә акәӡами изыхьӡу? Амацәаз
Зкәыршоу ма амаҟа Зкәыршоу ҳәа?
– Уигьы усоуп, аха ажәытәуаа анцәажәоз уи ара иҟаӡам,
уахь уаҩгьы дызцом, аҿҳәара амоуп, убри ааиаанӡа уаҩ
гьы дызхалом, мышкызны днеиргьы днанашьҭуам, аԥша
дагоит ҳәа абасгьы ацырҵон, умбои ишырҳәоз. Аҿҳәара
ааиаанӡа зыхьӡузеи ҳәа абригь еимҵазкуаз ыҟан. Иарцахә
Амаҟа Зкәыршоу ҳәоуп иаҳа ишиашоу, жәытә ԥсыуала
амацәаз акәдыршаӡом, иамӷарҵоит.
– Рацәа сгәы иҭуҳәааит! Абарҵа змаз аха ҳәа, убасгьы
саҳахьан.
– Уиашоуп, усгьы зҳәаз ыҟан. Аха иахьыкәыз рцәеи
лаҩашьахьан. Атәыҩа Зхагылаз Ахагьы ыҟан ҳәа усгьы
рҳәон, Ахаззеи азын акәзар ҳәа сыҟоуп...
– Убра даҽакгьы сҳәашан, аха...
– Ыы?
– Абри Ашәы Ҭамшьыгәи Ашәы Шәарахи, иугәалашәо
зар, Еҵәаџьын ҳәа ирҳәоз наҟ жәытәӡан анҵәамҭаҿ џь
ацызҭгьы иудыруеи? Еҵәаџь еиԥш Еҵәаџьынгьы рҳәон.
– Жәытә ԥсуала, ԥсуа-дыгала, убыхәла џь, џьа ауаҩгьы
ихьӡын, уажә ҩыџьа анаҳҳәо еиԥш; џьын, џьына – гәа
ҩажәлоуп, ԥсҭажәлоуп, ҵыџьзаргьы ауеит; џьынџь,
џьынџьа – убри иахылҿиаауеит, изакәу усгьы иудыр
уеит – аҵыџь, аҵыџьқәа змоу ԥшаҳәазар ауеит, ԥшаҳәа
гәаҩажәлазар ҟалоит, амаӡашәаргьы ашьҭагылоуп сгәа
хәуеит. Жәытәӡан ус уара ишуҳәаз еиԥш џь аџны иаҵәа
хуазаргьы алшоит, уи маӡашәархахьазаргьы ауеит... Ус
анакәха, уи аеҵәа ахьӡ ӷбак азна ажәытәӡатә ҭоурыхқәа
цәырнагоит. Анцәа, ауаа рныс, ари анбатәиу...
– Еҵәаџьа ахы аҭаларҭа ҽа хьӡыкгьы аман, ахьӡыҵә
ҟьа, аха иршьон, ҵасым ҳәа ирҳәомызт рҳәон. Ус кыр
уаҳахьоума?
– Аҭоу акәын; аҭоура, иҵегь жәытәла – аҭоуры. Сабду
Џьабас дыргәыбзыӷны исырҳәеит: ахәажәа быца ииҿаз
изаазгеит. Ра, ры абаза-ԥсуала аду, идуӡӡоу ҳәа усалагьы
ицәажәоит; аҭоу, аҭыу – жәытә гыларҭоуп, ҭагыларҭоуп.
– Ҭанхарҭоуп, ҵанхарҭоуп. Ауаа реиԥш аҭоу аӡгьы
ҭазар ауеит.
– Усоуп. Ажәытәан Кәыдргьы аҭоу иҭан, иҵан рҳәон.
– «Ахажә аҭоу иҭан», «Ахажә аҭоура руан», «Ахажә ахаҿы
игәаҩан», «Ахажә анаҟәа ахатәеит», «Ахажә ԥхасҭахеит»,
«Ахажә аԥшаршәаа ықәлеит», «Ахажә ашәшьы ихнаҩон»
ҳәа, абасгьы рҳәон, уи ара акәмызт ҳәа, усгьы ацырҵон.
Абри ззырҳәоз Еҵәаџьа акәзар сгәахәуеит, са сеиԥш
убас згәахәқәозгьы ыҟан. Избан уҳәар, жәытәла аха, аӷа
– убарҭгьы еҵәа хьыӡқәоуп, Ахажә – аеҵәа ду ҳәа ицәа
жәоит, ажәытәтәи ҳәагьы, жәытә ԥсуа-абазала, ԥсуашәыла.
– Акәзароуп. Аҭоурых, Аҭоурыха(жә) – убригьы иаракә
зар ҳәа сыҟоуп, аҭоурыхқәа акым-ҩбам, аха аԥсуа иҭоурых
ахьҭоу, иахьыҟоу уаҩгьы дызнеиуам, аҽҳәаранӡа, зырҳәоз?
– Ԥсра-ӡра ақәым, мышкы ахы мышк аҵыхәан ирымбаргьы, имааԥшыргьы ҟалаӡом ҳәа, усгьы ацырҵон. Аԥсуа
иҭоурых Ахаҵәах иҭоуп ҳәа абасгьы рҳәон.
– Уиашоуп, – днақәшаҳаҭхеит Чагәгьы.
– Ахажәсас иҭан, Ахажәшәашә иҭан, иҭанхон ҳәа абасгьы рҳәон – Ахажә аҿы иҭалан иҭанхон ҳәа.
– Нас Ахасас, Ахашәашә ҳәа ус аҽаркьаҿит; жә аҵәахит,
Иныжәԥҳа, Инаԥҳа ҳәа ишыҟалаз еиԥш. Жәытәӡаӡан убра
Ахажәан иҭанхон, уи ара акәмызт, иҳәон сабду Џьабасгьы.
Асас, ашәашә с-и шә-и ирзеиԥшыз жәытә шьҭыбжьыла
акәын ишырҳәозгьы. Џьгьардагьы убас ицәажәоз ажәытә
Шармаҭқәа ыҟан, – иҳәеит Чагә, нас: – Ҳажәсас ҳәа рҳәоны
уаҳахьазу? – ҳәа дҵааит.
– Усгьы рҳәон. Ҳажә, Хажә – аҩбагьы ак роуп. Ҳажә
састәа, Хажәсастәа – абасгьы ыҟан, иркьаҿынгьы Ҳасас,
Хасас ҳәа, жә абраҟагьы иаӡоит. Ус аабыкьанӡагьы изҳәоз
ыҟақәан, нас асас иахьгьы идырхо иалагеит, уантәи ӡәыр
дзаауазар уигьы иара иакәымхози – асас дахь, асас даахь.
Ҳажә, Хажә Мрагылара, Мрагыларатәи адгьылгьы иахь
ӡын; Ҳашәа, Ҳантыи – Мраҭашәара, Мраҭашәаратәи адгьыл.
– Еҵәажәҭоуба, Ахажәҭоуба, – (А)ҳажәҭоуба ҳәа, абасгьы иқәуаз дыҟан анкьа, аха абраҟагьы нас жә аҵәахит.
– Ажәытәӡа абажә рнықәуан рҳәон, ус акыр уаҳахьоу
ма? Шьоукгьы аббажә ашҟа идырхо иалагахьеит, аха? –
сеиҭанаиазҵааит.
– Уи аббеижә, аббажә акәзар – ахаҳә ду, абахә ду, ашьха ду ҳәа ицәажәоит жәытә абаза-ԥсуала, ԥсуа-ашәыла...
Ма Иарцахә ауп, ма Доумббеи ҳәа изҿу ауп, мамзаргь
Казбеқь ҳәа изышьҭоу ауп, жәытәан урҭ аԥсуаа-абазақәа,
адыӷақәа ирыҵанакуан рҳәон. Аббеижәа, аббажәа акәзар,
ашьҭахь а гылазар – ма шьхаӡыхьуп, ма ахаҳә дуқәа ирылсуа ӡуп, – иҳәеит Чагә.
– Уигьы уиоуп, аха жәытә ԥсуала абба иззуҳәаз рыдагьы Адгьылгьы иахьӡын рҳәон, Аҳаҳәа, Аҳаҳәы, Аҳашә
шахьӡқәаз реиԥш. Ус ала уазхәыцыр, Аббажә, Ахажә, Аҳажә
Еҵәаџьын акәзаргь алшоит...
– Аҳаҳәа – аӡаӡа еиԥш икәымпылны иаҳәоит, Злыԥха
ҳаура ус зирҟаҵазгьы Амра акәзар сгәахәуеит. Аеҵәақәа,
ахақәа зегьы убас иаҳәамашь анаџьалбеит... Аха урҭ зҳәаз
уажә уареи сареи ара иабаадырхуеи, ус акы рҳәаны иҟа
заргь иаҳмаҳацт...
– Ажәытәуаа ус рҳәон, ҿакы Мраҭашәарахь иҟоуп, егьи
аҿа Мрагыларахь иҟоуп, абарҭ еиқәшәараны иазҳәоуп,
аҩбагьы ԥшааны еиқәзыршәо маӡа дук ааиртуеит, аартра ду ҟаиҵоит, Жәҩангәашәԥхьарагьы ааиртуеит, аҭоу
рыхгьы ааирԥшуеит, жәлар ирзеиӷьхаша ҟалоит ҳәа. Ҳара
аҿа нцәахәык еиԥш иаҳԥхьаӡоит, жәытә ҳбираҟгьы ианын. Абарҭ аҿақәа ирыхҳәаау змааноу ҳәа иудыруеи? –
сҳәан, сиазҵааит.
– Убри убасгьы ацырҵон, урҭ аҩҿак, џьаргьы умеим
дакәа, уштәоу иуԥшааргьы алшоит ҳәа. Аха ианеиқәшәа
лак, ак удырбоит, убригь аилкаашьа уақәшәароуп ҳәа.
– Ииашоуп, усгьы ацырҵон. Нас?
– Изызҳәоу ҭоурыхзар ҟалап. Убригьы еилызкааша,
Анцәа, дҟаҵа! Анцәа, дҳаҭ! Амала исҳәо уиоуп, уаҿақәа
аҩбагьы ааидкылан иҭоургәаҩар аоԥсҵәы, ауаԥсҵәа ами
иахьӡу, ҩаԥсҵәагьы ыҟан, аха убас рҳәон уи иахьӡыҵәҟьоу
ҽакуп, убри еилызкаауа маӡа дук ааиртуеит ҳәа. Убри
зызҳәоугьы ҭоурыхзар ҟалап. Жәытәан иара анапгьы
ҽа хьӡыкгьы аман рымҳәози – амаа, ама(а)хцә, амаха,
аха, аҭа... – абасгьы ыҟан рҳәон. Уимкәа ахәы, аҭәы ҳәа
абасгьы ахьӡын, аихахәы, аиҳаӷәы шаҳҳәо еиԥш. Иара
анапсыргәыҵагьы ҽа хьӡыкгьы аман, убригь еилызкаауа
маӡак ааиртуеит рҳәон, усгьы ацырҵон убри иааирԥшуа
даҽакгьы авагылоуп, убригьы изеилкаар, амаӡа ду инарбоит ҳәа. Убригь ҭоурыхын изызкыз, изызҳәаз... «Ахаззеи
ахы ануп» ма «Ахаззеи ахы ануп», «Ахажә ахәҿа ануп» ҳәа
абасгьы рҳәон жәытәан...»
Саб Бақа излеиҳәоз ала, абри аҩыза ацәажәара, ажәа
быжь нас уаҳа уаҩгьы иҳәоны имаҳаит, Џьгьарда инхоз

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 05
- Büleklär
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3683Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22620.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3647Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23020.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3613Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22440.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3620Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22150.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3759Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21320.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3664Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23560.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3624Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23280.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3581Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22310.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3571Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23000.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3607Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23370.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3713Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20500.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 12Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3648Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22220.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 13Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3623Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21460.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 14Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3575Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22930.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 15Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3607Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23340.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 16Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3619Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23910.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 17Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3607Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24120.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 18Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3723Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21820.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 19Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3737Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22360.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 20Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3771Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23230.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 21Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3737Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23740.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 22Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3663Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22390.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 23Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3428Unikal süzlärneñ gomumi sanı 14510.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 24Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3327Unikal süzlärneñ gomumi sanı 25150.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 25Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3771Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21480.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 26Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3728Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21060.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 27Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 553Unikal süzlärneñ gomumi sanı 4220.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.