Latin

Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 03

Süzlärneñ gomumi sanı 3613
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2244
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
убарын, ахаан еибашьра ҟаломызт!..
ИҾЫЦЫЗ ҲӘА
НЫШӘ ЫН ҬРА Ы ҞАМ Ы ЗТ. . .

М

амсыр ҳәа Аҽгәара инхоз аӡәы Шьашькәа захьӡыз
Гәыԥ ақыҭантә ԥҳәыск диман.
Абра, Аҽгәара, Ҳаџьмаҭ ҳәа Чагә иидыруаз аӡәы дыржуан аҽны. Иара Чагәгьы абра дыҟан.
Аԥсрахь иааз Чагә Шьашькәа данылба, дгәырӷьеит, днеин ижәҩахыр днагәӡит, нас, ишаԥу еиԥш, шәышԥаҟақәоу
лҳәеит, уи ашьҭахь, лара дызлыҵыз лыҩнра дазҵааит.
– Иацы шәыҩны сыҟан, зегьы хар рымам, ргәы бзиоуп,
– иҳәеит Чагә.
– Зегьы хар рымамкәа ргәы бзиаҵәҟьоума?.. – деи­ҭа­
ҵааит аҽхырҵаара бзиа избоз Шьашькәа.
– Хар рымам, хар рымам!.. – налаҭеикит Чагә.
– ...Ӡәыр игәы бааԥсу, ӡәыр кыр ихьу сеидру... – Чагә
ииҳәаз агәра лымгошәа, даҟәымҵит Шьашькәа.
– Сыздырам, Анцәа иныс, са стәала зегьы рыԥсқәа
ҭоуп, рыгәгьы бзиоуп, – иҳәеит Чагә. – Абрахь санаауаз шәнышәынҭрақәа срывсит, аха иҿыцыз ҳәа акгьы
ыҟамызт...
УХАЗЫ АУ М А
ИЗАЛАУРГЫ Л О ?! .

У

сҟан злаԥш ӷьыз ауаа ыҟан. Ишакәым инаухәаԥ­
шыр, цәгьарамзар бзиарак уаниомызт. Убас Ԥадгә
дынхон Кәынҵал ҳәа аӡәы, уаҩаԥшьк, Кәынҵал-Ҟаԥшьы

ҳәа изышьҭаз. Изларҳәоз ала, уи убриаҟара илаԥш цәгьан,
ицәаӷәоз днаихәаԥшыр, иӷьатамақәа хыжәжәон, асаби днаихәаԥшыр, – деиқәхомызт, ауҭра дынҭаԥшыр, –
илықә­ҩаа ицон... Кәынҵал ицәшәаны акәын Ԥадгә ин­хоз
ры­м­хырҭақәа алаԥшхырԥагақәа зҭадыргылоз. Иара уа­ҩы
каҷбеик иакәын.
Чагә Кьоучара дыҟан. Жәытәан Кәаучарагьы рҳәон,
Кәачара еиԥш. Дхынҳәны дшаауаз Акәаскьа аџьраҿы дааихьан еиԥш, Кәынҵал иеигәышә иҩыҵрак дааиԥылеит.
– Ушԥаҟоу, Кәынҵал? – дҵааит Чагә.
– Сыҟоуп Анцәа имҭаны!.. Сымхы шьаҭацыԥхьаӡа хԥаԥшьба лаԥҟьа аҿалара иаҿуп, ирылаз арашәацәа хынтә
идсыррашәеит, алаԥшхырԥагаз алакәымҳа сашь­ҭоуп,
ааи­гәа уаҩы иԥыхьашәом... – иҳәеит Кәынҵал, им­хы даа­
хыҽхәаны.
– Кәынҵалхеит, уара узоуп алаԥшхырԥагақәа заладыргыло, уара иззын иалаургылода? – ирлафны днаҵааит
Чагә. Нас егьи дымгәаарц азы инациҵеит:
– Ҳаи, Кәынҵалхеит, ахшыҩ змаз аӡә уакәны усыԥ­
хьаӡон, аха уаргьы иҟам-ианым хоуҵозаап...
АԤҲӘ ЫС ЛЏЬАБАА,
МАМЗАРГЬЫ АХАҴАРА
ЗШАЗ АНЦӘА Д И Н Ы ҲӘААИ Т !

–А

бри шәара аҩны шәтәоуп ус шәымаӡамкәа,
шьҭа­рнахыс аҩынԥҳәысра сара салагоит, бара
«смаҵура» бысҭоит, ҽнак аҟара, ахаҵаус зеиԥшроугьы
бымбари! – иԥшәмаԥҳәыс иналеиҳәеит Чагә зны.
Адырҩаҽны, ишырҳәахьаз еиԥш, Чагә аԥҳәыс ус дналагеит, иԥшәма – ахаҵа ус.
Ас ианеиса, Чагә иԥшәма, иара иҟаиҵалон еиԥш, агәашә
дынҭыҵны агәылара дцеит. Агәылацәа рыҟны лызхара
дцәажәан, ҳәсақәакгьы лыцны шьыбжьышьҭахьшәа ашҭа
дааҭалеит.

– Бабаҟаз бара асҟаамҭа, арахь сара аҩны сыҩнаԥсуа
сыҩноуп! – даалеиӷьит Чагә иԥҳәыс, зны-зынла ишыл­
ҳәалоз еиԥш ҟаҵаны.
– Ҳназыцҳаша ак аацәыргеишь, амарџьа! – ҿаалҭит
лара, дшаатәаз еиԥшҵәҟьа, лыԥшәма иҳәашьала.
Чагә иара итәала аишәа ирхиан, аԥҳәыс ишлыхәҭаз
еиԥш, дыԥҳәысушәа, иеирыӡ кны даархагылеит. Аҳәса
тәан имыццакӡо, ажәеи-ажәеи неихҳәаало; амрагьы аҭа­
шәа­рахьы ахы нархеит.
Ахаҵгылара игәы анԥнаҵәаӡа, агылара дамыхәаӡоз­
шәа аниба, «Смаҵура сышәҭ, смаҵура!..» – ҿааиҭит Чагә,
иеи­рыӡгьы аишәа инықәиргылан, иаргьы днарыдтәалеит.
– О-ҳо! Иубама аҩынԥҳәысра зеиԥшраз! Узтәоузеи,
ухаҵгыламзи?!. – ргәы иаахәеит аҳәсақәа.
– Ҽнак ауп ҿҳәарас ҳанеисо ҳәа иац шьыбжьон иш­
басҳәаз, уиаахыс ҽнак иагьацлахьеит, саиааит! – акрыфара нап наиркит Чагә.
– Ди-ди, хса, даҳиааима, бара?! – иааџьаршьеит аҳә­
сақәа.
– Сымиааикәа, схаҵами, иҳаӷоу дыԥҳәысуп, ахаҵара
зшаз анцәа диныҳәааит! – ҵәыцак ҩҭиркәкәеит Чагә. –
Бнеишь, бара, асасцәа ҳҭоуп, бымбои!.. – дҵак налиҭеит
иԥ­ҳәысгьы.
НЕСТОР АҲӘАР КЬ И РА
ДШАҞӘ Ы ҴЫ З

Н

естор аҭаҭын дахон, аха иџьыба иҭаҵаны иныҟәиго
уаҩы имбацызт. «Иаагишь, лҩак науҳашь­ҭы­
пишь!..» – иҳәон иара уааибацыԥхьаӡа, иа итәала алаф
наҳәаны.
Мықә Аџьажә Ду еизарак рыман. Абра иҟан Нестори
Чаҵә Чагәи.
– Иаагишь, Чагә, лҩак насоуршьҭишь!.. – иҳәеит аб­
раҟагь Нестор.

Чагә Нестор уажә дибазма, ишьыгрын ҭаҭынра аацәы­
риган Нестор иҭаҭынжәга ааимихит. Нас азна ныҟеиҵан,
ҳаҭыр ақәҵаӡаны, инаииркит. Несторгьы амца наиркын,
ишьамхы еиқәыршәны, сахаӡап ҳәа, ишилшоз алҩа нылбааидеит.
– Изакәызеи сызурхаз, иашаӡа?!. – ҿааитит Нестор,
алҩа деихәланарсын илаӷырӡ хаҟәҟәала, деимҳәо. Иҭа­
ҭынжәга иԥынҵа инадкылан даафҩит. – Ҳаи, алақәа ирфаша, албӷьы саирхеит! – ихы-иҿы ашара иареицакны
дын­кажьцәеит.
– Аҳәаркьира изаҟәымҵуа уи еиԥш иагьа гәаҟра
дрықәшәап, макьана дабаҟоу!.. – иҳәеит Чагә, дцәыҵаччо.
Егьи, Чагә Нестор ара дшыҟалоз идыруан, дсыҳәозар ҳәа,
цас, албӷьы хыхны иҭаҵаны ҭаҭынҭрак шьҭихзаап...
Иҟалаз збаз зегьы рызхара иччеит. Нестор иакәзар,
кажьцәараха исит.
Абри инаркны Нестор ихатә ҭаҭын аныҟәгара дала­
геит, аҳәаркьирагьы даҟәыҵит.
АХҬАРԤА БЗИ ЕИ
А БАША ХИ

П

аҷыл иеиԥш аҽхәаҩ дабоубоз. Амц аниҳәоз, инацә­
кьарақәа харҟәаланы, игәыбжьынацәа кьакьаӡа
ирҟымҟымуа акра идыруан. Ииҳәо зегьы уазыӡырҩуа­
шәа, агәра угошәа ибар, мцҳәарала днеины, ус иҟақәо
ыҟами, ухы дықәтәон.
– Усыҵашьыцуеит ҳәа сыҟоуп, Чагә?.. Иубома изакә
хҭарԥа хазыноу иаасхәа! Уачамчыра ҭуџьарк имсхит.
Ҩ-мааҭк икуан, аха акы ҳәа ицәызгеит! – дааҽхәеит Па­
ҷыл чарак аҟны, иххьа хҭарԥа даҵаҽырбан Чагә ирбо. Ус­
ҟан мааҭкгьы акыр ԥнаҟон. Ҩынҩажәижәаба-хынҩажәа
ҳәа аҽыкәаша ааухәон, мааҭк ақьаад ԥареи мааҭк ахьи
еиҩысуан.
Паҷыл иҽхәара заҳаз иргәамԥхеит.

– Сымшьыцкәа, Паҷылхеит, – иҳәеит ихәмаршьала
Чагә­гьы, – ҩ-мааҭк ирԥсоу аххьа хҭарԥа бзиа абазк иаԥсоу
ахы ахаҵара «иаҵамшьыцуа» дарбану?!
АБЫЗ ЦӘ ГЬАҚӘА
РШӘАХСҬА

А

ԥсуаа абас рыжәла зырмаҷзеи ҳәа усазҵаар, ашьоу­
ра атәоуп раԥхьаӡа сызлацәажәо. Нас ауп Аԥсны
ҭа­зыр­цәыз амҳаџьырра аӡбахә ануасҳәо. Уи еиԥш заҟа
рыцҳара...
Абас, ашьа рыбжьалеит ҩ-жәлакы. Ашьа рыбжьалеит
амашәыр иахҟьаны. Уи шыҟалазгьы абас ауп:
Ҩыџьа аиҩызцәа шәарыцара иахьеиццаз, ахәажәраҿы,
дымшәыз џьшьа руаӡәк иҩыза диеихсын, дызгарыз ахы
ицәиқәшәеит.
Иҭахаз изгәакьацәа ирурыз, амашәыр зыхьыз сышә­
шьы, шәанаџьалбеит, аниҳәа, амашәыр – машәыруп рҳәа­
гәы­шьеит, изцәыҟалазгьы шықәсынаҟьак ашәы ишәын,
дџьабон.
Шықәсык анҵы, уаҳа ишԥаҟаиҵарыз, ашәы ишәихит.
Абри инаркынгьы абыз цәгьақәа рыҭра иҭамгыло иалагеит, шәыҷкәын гәаӷшақә изыруит ҳәа. Ишнеи-шнеиуаз, агәаҟра иақәшәаз ус ауп ҳәа агәра ддыргеит, ҳшьа
ҳамур ҟалом ҳәагьы иаақәгылт.
Абыз баҩ алаӡам рҳәон ажәытәуаа; уи алагар, ацәгьа
рбзианы иунарбоит, абзиа ырцәгьаны иунарбоит, иаҭах­
хар, – абааԥсы зынӡа иарбааԥсӡоит. Абас ҟалагәышьеит
абра­ҟагьы.
Амца мцала ишырҳәынҷо еиԥш, абыз бызла ирцәатәын,
мап анакәха, аҩжәлак ықәибахыр алшон, ус иагьараан
иҟалахьан. Абри азы хар змамыз ауаа драԥгыланы алԥ­саа
дызмаз аҩнаҭа даҭааит Чаҵә Чагә.
Уи иҳәеит амашәыр шгәаӷшам, урҭ аҩыџьагьы рыԥ­
сы шеилаз, ишеиҩызцәа бзиаз, иақәшәаз иеиԥш изцәы­
ҟалазгьы агәаҟра ду дшаниаз, шықәсынаҟьак ашәы ши­

шәыз, ацәгьа бжьазҳәо аҩжәлак ықәибахыр зҭаху шра­кәу,
абри аҟынтә абра иааиз аҳәара шыҟарҵо ражәа рыр­ҭаразы.
– Чагә, уара акыр збахьоу уаҩуп, акыргьы удыр­уеит, –
иажәа дналагеит ажәлантәқәа иреиҳабыз Мазлоу. – Аха,
ҳара иахьынӡеилаҳкааз ала, шьоурада ԥсыхәа ыҟам...
Ҳаҷкәын дахьыҵоу егьи игәы дықәгыланы дны­ҟәо­заа­
рын... Ажәларгьы ҳара аҭынхацәагьы амашәыр шы­
машәыру, гәаӷшақә ишыҟамлаз агәра узҳаргар, усҟан
иуас­ҳәозеи, ҳара ҳруамхозар ҳраӷахом. Ус анакәымха,
ҳаз­ҿқәоу зегьы баша цәажәарагәышьоуп, Чагә... – иҳәан,
иа­жәа аахиркәшеит Мазлоу.
Чагә ԥыҭрак ҿымҭуа, дхәыцуа дтәан. Нас:
– Абри аҵыхәала абра имҩахыҵыз, ус аламала еилым­
каакәа зҽалазымгало ауаа, рыгәра агара уцәуа­даҩ­зар,
хыла уареи сареи ибзианы ҳаибадыруеит, Мазлоу, ҳагә­
рагьы еибагоит, саргьы аҵабырг зымҳәо иеиԥш, сыгә­ра
агара уцәуадаҩхазар, абри ашәыра сшәырахааит убыс­
ҟан! – иҳәан, Чагә иҟама ааҭырҵәрааны инацәа дуи ирбага нацәеи рыбжьара дҩасын, аҽырҳәа ашьа гылан аҿы­
ланахеит. – Убри аҷкәын иҽишәмыршьын!..
– Ҳаи, абааԥсы, исзуузеи?!. – дыҳәҳәеит Мазлоу дахь­
тәаз, дҩаҵҟьан, Чагә дҩеидыххылан, ахәра ичабра ду
наҿеигәеит.
Абас, Чагә ҩ-жәларык еиниршәеит, ӡәыргьы аԥсра
иахирԥеит.
Ашьҭахь, такә анҵы, изакә шәахсҭоузеи ари унапы иану,
Чагә, ҳәа иззымдыруаз анизҵаалак, дыхәмаруа аҭак риҭон:
– Ариу? Ари, абыз цәгьақәа ршәахсҭоуп.
А ШЬОУРА
ҞӘ ЫӶА

Кә

ыҵныи Лапагә Аҭара ақыҭан дынхон. Уи анхаҩ
бзиа ззырҳәоз иакәын, маллагьы дкәадамызт,
ажәлар раԥхьа идыргылоз уаҩын. Ахшара рызгьы Анцәа
дизылԥхан, хҩы аԥацәеи хҩы аԥҳацәеи ииҭеит. Иԥҳа аи­

ҳабы хаҵа дцахьан. Уи илышьҭанеиуаз дҭыԥҳаны, аиза­
рақәа рахь днаргааргауа дыҟан.
Ҽнак, еизарак аҟны абри аԥҳәызбеи Мырцхәлаа арԥыз­
баки еибабан, еигәаԥхеибашьеит. А-Мырцхәлаа Гәыԥ
ақыҭан дынхон, Ҭемраз ҳәа. Ас аныҟала, хар змамыз ауаа
лҽыжәиҵан лаб ишҟа ишьҭит, абасоуп, ууара сгәаԥхеит,
уԥҳа дсуҭароуп ҳәа.
А-Кәыҵныиқәа дара аиашьара надибагалан еилацәа­
жәеит. А-Мырцхәлаагьы, аԥсуа нхаҩ ҷкәына, ак узивбо
дыҟамызт, арҭ еиқәшаҳаҭхеит Лапаӷә иԥҳа а-Мырцхәлаа
дирҭаразы.
Ара чарахеит, иааз асасцәа ирықәнагоз ауаа рыдыргалт, анапеимдахьа ааргарц аҽҳәара ԥырҵәеит, гәыԥаа­
гьы рыҩныҟа ицеит.
Аха Лапаӷә иԥа, агәыбжьанытә Махьал, иҭахымызт,
аханатә инаркынгьы дақәшаҳаҭмызт абри аус. Ари мес
азоуп, лаҵарамзан.
Гәыԥаа ахьцаз ҩыџьа аҷкәынцәа ахәҷымыҷ рыҭаны
иаарышьҭит, напеимдахьа ҟарҵеит, ҿҳәарасгьы ҭагалан
шьҭахь азԥырҵәеит. Усҟан ус иҟан: аԥҳәыс дҳәаны ддыр­
тәон шықәсыки бжаки, избанзар, ԥҳәыс дызгауа аҷкәын
аҭацамҳара ҿыц ҟаиҵар акәын. Хаҵа ицауа аԥ­ҳәызба
ампахьшьқәа, ахәымџьарқәа рацәаны илсыр акәын.
Ари ас ишыҟаз, нанҳәа мза азыҳәан ахәыҷқәа ашкол рҭалара аамҭа анааи, Аҭара ашкол ахь рҵаҩыс ҳәа
даа­рышьҭит Уачамчыратәык. Абри арҵаҩы Лапаӷә иҩ­
наҿы уадак қьырала аамҭала дыҩналт. Махьалгьы иаа­
қәырццакны иаҳәшьа абри арҵаҩы дииҭеит. Арҵаҩы иш­
кол ныжьны, иԥҳәыс дима Аҟәаҟа дцеит.
Абас еиԥш иҟалаз Ҭемраз ианиаҳа, аԥҳәызба лҟынтә
имаз ахәыҷымыҷқәа аашьҭыхны иара ихала Лапаӷә иҩны
дцан, сара сызҭахым шәаргьы шәысҭахым ҳәа, рхәы­
ҷымыҷқәа нарықәԥсан дааит. Ари заҳаз зегьы Ҭем­раз
иџьыршьеит, афырхаҵа, аиаша ҟаиҵеит, рҳәеит.
Ари ас иҟан. Шықәсыбжак аиҳа ааҵхьан, зны Гәыԥ чарак аҟны Ҭемраз иҩызцәа ҷкәынцәақәаки иареи ажәақәа

ааимаркын, уара-сара ҳәа аиқәмақаррахь ианианага,
аҷкәынцәа руаӡәк иаҳәшьа иара уа ачараҿ дыҟазаап, аб­
ригь лаҳауазаап, дахьгылаз: «Уара уи узиқәмақаруа, уԥ­
ҳәыс дуҵызхыз умшьуеи, уиаҟара ухаҵа ӷәӷәазар!..» –
лҳәан, Ҭемраз аҽԥныҳәа наилҭеит.
«Ҟоҳ, ари ҽԥныҳәан исыдхалазаап...» – иҳәан, Ҭемраз
аҩны дцан, абна дшылалара иҽазыҟаиҵан, Махьалгьы
лара аԥҳәызба дызгазгьы, аҩыџьагьы, ишьразы ишәақь
иуапа иҵакны дындәылҵуан, данынаԥш, Чаҵә Чагә
агәашә дааҭалеит. Уи ачараҿы дыҟазаап, иҟалақәоз зегьы
ибозаап, уажәы, Ҭемраз аҩныҟа данца, дишьҭалан дааит.
Ҭемраз дызлацашаз иҽы кәадырны ашҭаҿ игылан,
иҽы­наԥхьеикырц иҭаххазаргьы шьҭа иааиуаз иԥымла­
шьас имааз, дааласын, ишәақь наҟ инцәыҵеиргылан,
Чагә днеиԥылт.
Чагә идыруан Ҭемраз дышнымгылоз, шьоура дыш­
дәықә­лоз. Убри аҟынтә ус даацәажәеит:
– Уа ачараҿ еибышәҳәоз саҳауан, ушьа умун ҳәа уас­
ҳәарц акәу џьумшьан са сзаа...
Ҭемраз ҿимҭит.
– Ушьа ууроуп, мамзар, абас иагьараан ҽԥныҳәас
иурҭап...
– Усоуп, уи еилкаауп... – иҳәеит Ҭемразгьы.
– Усоуп, аха уажәы уара уцаны ушьа ууп, егьырҭ
ҩагылан уара уршьып, уара утәқәа аалаган урҭ ршьып, урҭ
ртәқәагьы шьоура идәықәлап... Нас, қәӡааншьҭахь, шьоук
тәымқәак, анҭ иаалац, аақәлан иеиҭымхаз анышәынҭра­
қәа рыгәқәа агәам нарықәрыжьып... Ус ҟамлароуп... –
Чагә уажәы даҽакала иааирҳәит.
Ҭемраз ҿимҭит.
– Уара сыҷкәын иқәлоу уоуп, хьымӡӷ угар сҭахым,
ушьа­гьы умун ҳәа уасҳәаӡом, аха ишууша абас-абас ауп,
– иҳәан, днаиртәан иеиҳәеит. Ус еиқәымшәар, абри ҳәа
даҽакалагьы ишыҟаиҵашаз иеиҳәеит. Чагә абри адагьы
иҵегь ажәабжьқәа цәыриган, уажәраанӡа иимҳәацыз,
Ҭырқәтәыла анкьа даныҟаз Мырцхәлаа рыҟны дахьне-

из иибаз-иаҳаз уҳәа илахьеиқәҵагаз, аха ԥхьаҟазы уаҩы
дзырхәыцшаз акыр ҭоурых иеиҳәеит...
Адырҩаҽны ҽыуаҩык, ишәақь иуапа кьаҿ иҵакны,
Аҭара Аеҵәа Рымҩа ҳәа иахьашьҭоу данылан днеиуан.
Уи иааиԥылаз абырг Кәыҵныи Ҳабахә «Уабацои, дад?..»
– иҳәан, днаиазҵааит, аха аҽыуаҩ, дымцәажәакәа, днаивсит. Ҳабахә дшааиуаз иааиԥылаз Быҭә Таиеи Кәыҵныи
Таиеи ааникылан: «Уара, абра аӡә дысԥылан, сиацәажәан,
аҭак ҟаимҵеит, иуапа кьаҿ ихагьежьуа, ишәақь иуапа иҵакны, сахьихәаԥшуаз ацәгьа згәы иҭоу аӡә иоуп,
шәгәышәҽаныз!..» ҳәа реиҳәеит. Арҭ Ҳабахә ихыччеит,
дабаҟоу уи еиԥш ауаҩыцәгьа рҳәан, хырҩас иҟарымҵеит.
Амра ааҭашәоны, нахьхьи агәарабжьараҿтәи агәашә
аҟынтә аӡә ҿиҭит: «Махьал уҟоума?!» ҳәа.
Аҳәса ракәын аҩны иҟаз, «Махьал уажә дыҟам, арахь
умааиуеи?!. – рҳәан, рыбжьы надыргеит, гәыла ҷкәынак
иакәыз џьыршьеит, ари ҭаҭынеиҭаҳан азы акәын, «Ара­
кьаҽыҟа аҭаҭын еиҭаҳатә ааигарц дцеит, арахь уааи, уажә
дааиуеит!..» – рҳәеит, аха ҿызҭуаз уаҳа ихабар рымбеит.
Ҭемраз иҿынеихан Махьал иҩныҟа дызлааишаз, Ԥшьа­
қәа ҳәа ацҳа зыхны иҟаз аӡышьҭраҿы иҽааникылеит. Махьал абра дықәымскәа аҩныҟа ааишьа имамызт.
Ҭемраз ацҳа зыдҟаҵалаз аарцәтәи ахьаца ду ашьапы
дшавагылаз, Махьал калаҭк азна аҭаҭын еиҭаҳатә даҵалан
даақәлеит. Даақәсуан еиԥш, Ҭемраз ишәақь неиӷреикит,
«Умҵысын, уԥсит!» ҳәа ибжьгьы ааиргеит.
Махьал, имаз ахарагьы идыруан, ара ас аныҟала, уаҳа
мҳәакәа, иҽмырҵысыкәа иҽникылт.
Ҭемраз Махьал итапанча ааимихын, «Усаԥыз!» ҳәа
ишәақь шиқәкыз диман Кәыҵныи Шьаабан иҩны дцеит.
Шьаабан ақыҭа раԥхьа идыргылоз уаҩын, иԥҳәыс д-Мыр­
цхәлааԥҳан, лара Гәыԥ а-Мырцхәлаақәа дырзааи­гәа­­мызт,
аха усгьы иара Ҭемраз дижәлантәын.
Ара дахьнеигаз Ҭемраз даацәажәан:
– Шьаабан, уара у-Кәыҵниоуп, аха усымаҳәуп, абри
уара дузынсыжьуеит, уажәазы ԥсык дызлаиеиӷьу акгьы

збом, иҟалаз ажәлар ираҳааит, амала иахьатәи ҳаиқәхара
иара иоуп изџьашьо, иҽимырҵысит... Иабџьар сызныжьуам, – иҳәан, даахынҳәын дцеит.
Амҩан дахьцоз дхәыцуан зегь ҳаиқәзырхаз Чагә иоуп,
абас симырҟаҵазҭгьы даҽакала сныҟәон ҳәа.
Абри еиԥш аныҟала, изаҳаз шьоукы Махьал дҟәышын,
иҽмырҵысыкәа ихгьы еиқәирхеит, егьигь деиқәирхеит,
рҳәеит. Даҽа шьоукых иабџьар иимҭар акәын, рҳәеит.
Абри ашьҭахь хар змамыз ауаа Чагә раԥхьа днагылан
иныбжьалан, шьҭа шәеиҭоуп – хьымӡӷла шәеиҟароуп
рҳәан, еиндраалеит.
Шьоукгьы ус рҳәоит, Чагә, Ҭемраз иҟынтә данца ауха­
ҵә­ҟьа Лапаӷә иахь уаҩ дишьҭит, еибадыруазаап, аба­
соуп иҟоу, уаҳа уԥсы иахмырӡаакәа, уахаҵәҟьа ахара зду
уҷкәын иоуҳәароуп, иаарласӡаны Ҭемраз днеины амҩа
изикырц дыҟоуп, иҽмырҵысыкәа иҽиҭан иахьиҳәонӡа,
уи иара иԥырхагам, диццааит, настәи мариоуп, сара еинсраалоит ҳәа.
Абас Чагә ҩ-жәларак еиқәирхеит. Аинраалаҩцәа уа­
жәыгь иаҳҭахуп. Абри азы ажәытәан аԥсуаа аԥеҳам­барцәа
рҽырҩашьан ирылан рҳәоит.
И АЗЫЖӘУАЗ ЕИ ,
И ДУЦӘ ОУП!

У

ачамчыра Аҽырҩырҭа Ду усҟан амшын иам­гаӡа­
цызт. Абыржәы Аӡеиқәа амшын иахьалало, алакациа дуқәа гыланы, наҟ хымҭак иахьнанаго аҟара набжьаны аҽырҩырҭа дуҵәҟьа ыҟан. Уи аҭыԥ Лоуны, Лоӷәны
ҳәагьы иашьҭан.
Аҽны абраҟа абжьааԥны еиԥш аҽырҩра ду ыҟан. Аҽыр­
ҩрахь дааит Чаҵә Чагәгьы. Ианалга, уск аҵыхәала ихә­
лаанӡа дынхеит, нас, сҭынхацәа збап ҳәа, Мыркәылаҟа,
Шьоунеи Елҟан иахь ихы ирхеит. Ажәытәӡан ари ажәла
Шьоу-неи-жәа ҳәа иҟан, аӡ ду ҳәа ицәажәон...

Ҵхыбжьонын, дҽыжәланы «Ахаҳә Мҩа» ҳәа иахьашьҭоу
даннеиуаз. Абри аамҭазы «Еи, уарбану, узцом, уҽыжәҵ,
уҽеилых?!!» – рҳәан, амҩа кны итәаз абрагьцәа рыбжьы
наиқәдыргеит. Ахаҳә мҩа ауаа зыцәшәоз ҭыԥын, ҭшәар­
ран, абраҟа абрагьцәа ауаа дырҳәлон.
– Ибзиоуп, уара, сеилышәхааит, аха иазыжәуазеи
аӡәгьы ииҭахым?!! – нарықәҿиҭит Чагә, иҭаҭынжәга да­
ҿыхо, дышҽыжәыз дахьгылаз.
– Избан изырҭахымхара?!
– Иахьзеи умҳәоишь?!
– Изырҭахым шәымбои, сара саҟара ауаҩы ҳарак шәа­
ра дабашәыԥшаауеи, ирыцәдуцәахоит. Убри адагьы, са­
ра саҟара рхыҵуеит, иажәхьеит. Арҳәра ҳәа шәымтәар
акәын, аха шәантәах, уара, шәанаџьалбеит, хар змам,
шәа­ра ишәаҟароу аӡә дшәырҳәыр!.. – иҳәеит Чагә.
Абрагьцәа Чагә дырдырын ҳамҭас ҳәа аҟамачаԥа ирҭеит.
АБЫЗ
ХАА АМЧ

А

ӡын ақәас-ӡысра ааигәахон.
Анхацәа гьежьуа рымхырсҭақәа ирҭан, рурақәа
рыҭ­гара иахыццакуан.
Дыццакуан Чаҵә Чагәгьы иџьықәреи хәыҷы ҭигаразы,
аха иаалырҟьан игәы бааԥсхеит.
Чагә игәы шыцәгьахаз заҳаз агәылацәа еизан ицх­рааит:
шьоукы иџьықәреи изҭаргалт, шьоук ижь изырҭааит,
даҽаӡәых, аикәаӷа ахәы ԥҵәаны ианиба, арасатә хәы ԥш­
ӡа ҟаҵаны иахеиҵан, инаган инықәиҵеит...
Ақыҭан дынхон Усангьа ҳәа аӡәы. Убригьы, ишаԥу еиԥш,
днеины ичмазаҩхаз дицхраар акәын. Аха Усангьа уа­ҩы
ҳарамын, ибыз бааԥс азы имацәажәоз иқыҭауаагьы ыҟан.
Уи Чагә иус-ҳәысқәа игәылацәа иҟарҵахьазаргь иҟар­
ҵа­хьеит анигәахә, дызбоит ҳәа, дкылԥш-кылӡрҩуа дын­
кылсит.

Дхынҳәны данцоз, ашәхымс данаахыҵ, агәыла зхәы
зхеиҵаз аикәаӷа ԥшӡаӡа иахьықәыз илаԥш наахеит.
– Чагәхеит, уара угәы бааԥсуп, ари уеикәаӷа ас ахәы
ҿыц бзиа узахазҵада?! – даҵашьыцуа, ихы ырнааны,
днаҵааит иара.
– Абыз хаа! – аҭак ҟаиҵеит Чагә.
АЖӘ
ҞӘЫШ

А

ҳалӡга уахьныруаз Елыр ақыҭан Хаџьыџь ҳәа
хәаахәҭҩык дынхон. Усҟан Елыр аӡәык-ҩыџьак реи­­
ҳа нхомызт, уажә иқәу ажәлар ааны уаҟа анхара иалам­
гацызт.
Хаџьыџь зыԥсы цәгьаз уаҩы каҷбеин, Ҭырқәтәыла
адырцәа иман, Ҭарбзана10 дцаны даауан. Иара хылҵ ҳәа
ҷкәынаки ӡӷабки рыда имамызт. Абри аҟынтә иӡбит иҷ­
кәын Сҭампыл ддәықәҵан амуллаҵара иирҵарц. Уа иуак
дынхон, ус иагьыҟаиҵеит.
Шықәсык аума, шыкәсыбжак аума заҟа ҵых здыруада,
Хаџьыџь иҷкәын, Уаҳаид ихьӡын, амуллаҵара далганы
дааит. Хаџьыџьгьы иуа-иҭахы даарыԥхьан ачара хпыҿ
ҟаиҵеит. Ачара ҟаиҵеит, аха, иабаҟоу, иззыҟаиҵаз иԥа
аԥсшәа схашҭит ҳәа, ҭырқәшәада уаҳа акы иҿы амкуа,
даақәгылт. Аҭырқәшәа цәгьоума, аха ари ргәамԥхеит избаз, иҟарҵаран иҟааз акәымзар.
Хаџьыџь иԥа дыԥшҩы дууп, зеиԥш дыҟам муллоуп ҳәа
иӡбахә геит.
Ҩымз раҟара ааҵхьан абри ашьҭахь, Гәыԥ акәу, Баслахә
акәу Аинарбақәа рыҟны ачымазаҩ ӷәӷәа дҟалеит.
Ашарԥазӡа Хаџьыџь дахьынхоз ҽырххыла ауаҩы дкыл­
ҟьа днеит, абасоуп, Гәыԥ абрагь-абрагь абас еиԥш ачы­
мазаҩ дыҟоуп ҳәа. Уаҳаидгьы дласны иҽааибиҭан, дын­
ҽыжәлан инеиз диццеит.
Ҭарбзана – Ҭрабзон.

Усҟан қыҭацыԥхьаӡа аԥшҩцәа ыҟан, гәыԥаагь убас
аԥшҩы дрыман. Убри ахыхь, Манча-ҳақьым ҳәа Гәыԥ
иацәыхарамкәа, Тҟәарчал ақыҭан ахәшәтәрақәа здыр­
уаз ҟазакгьы дынхон. Аха Сҭампыл иҟаз иаҳа идыруеит
рҳәан, уажә уахь уаҩ даарышьҭит.
Уаҳаид дахьнеиз ачымазаҩ данлыхәаԥш, идырит дар­
шышны дшыҟаз. Усҟан аршышра ҳәа ыҟан. Аиҳарак изыхьуаз аҭыԥҳацәа ракәын, амцашоура иаанахәон, абаҩ­
ҷыда рылалон, зны ишәаҳәаларын, алаԥшҵашәара роуан, аха нас рхала ибзиахон. Аршышра иаахырҟьан да­ҽак
аҵнашьыр, усҟан агра ааннажьыргьы ауан.
Иқьҭаԥ длаԥхьа-ҩаԥхьан лхы илықәикша-ҩықәик­шеит,
нас амулла шәҟәы лзиҩын, абри лханаҵы, аҳаҳаи, акы да­­
цәымшәааит, шьҭа акгьы лыхьуам, амала ахьҭа лыла­шәым­
ҵан, – иҳәеит Уаҳаид. Ҭырқәшәалоуп иши­ҳәогьы.
Ари заҳаз Чагә ианеиҭеига, «Ҳаи, дад, абри акгьы
лмыхь­кәа деиқәхозар, сышьтәақәа иреиҳау акы ашаха
нахаҵаны исҭоит, иаргьы абра игылоуп, убриаҟара ҳлыр­
шәеит, убас сызиаҳәа!..» – иҳәеит ачымазаҩ лабгьы.
Чагә еиҭаганы иеиҳәеит.
– Дыбзиахаанӡа ҳәа уԥшыр ауандаз... Амуллацәа рыхә­
ԥса иаразнак иумшәар ҟалаӡом, мамзар рыхәшә аус ауам
ҳәа ирыԥхьаӡоит, саргьы акыр срыднагалақәахьеит...
Уа­ҵәы иахымгакәа аҷкәынцәа ирыҭан идәықәуҵа­­роуп,
иааи­­гәоуп ара, закәыхи, – иҳәеит Бӷажә Еқәыԥ дахь­
гылаз.
– Иара абыржәыҵәҟьагьы ирыҭан ицсымҵои, лара
илыхәозар, иаргьы макьана игәарымҵыц, абна агәар­
бжьараҿ игылоуп, – иҳәеит аԥшәмагьы.
Чагә абригь еиҭаган амулла иеиҳәеит.
Амулла ари аниаҳа, уаҳа даанымгылакәа дцарц дын­
дәылҵит, ачымазаҩгьы аԥшҩы данылба акәхап, иаҳа
деиӷь­хашәа дҟалеит.
Ашҭа аҵыхәан агәашә ахьаауртуа агәарбжьара ыҟан.
Абра иааины гәыԥ-гәыԥ иԥшны игылан арахә: ажәқәа,
акамбашьқәа, аџьмақәа.

Уаҳаид ари аниба, сышьтәагьы цқьа снахәаԥшып, иреи­­
ҳау арбангьы збап игәахәын, ашҭа дахьықәгылаз, сцаанӡа
шәырахә снарылсны срылаԥшуеит, лаԥшы хаа иа­сырбоит
ҳәа нареиҳәеит.
Ари Чагә ианеиҭеига, амулла илаԥш арахә аҩсҭаа дры­
ҟәнаблаауеит ҳәа рҳәо иаҳахьан азы, аԥшәма иаҳаз игәы
иахәан, днеин агәарабжьарахь агәашә ааиртит.
Агәашә инҭыҵны арахә инарылагылт. Уаҳаид Чагә
даахьеирԥшын, раԥхьа игылаз ажә ҿаша ду инацәа нақә­
кны ирбо, диазҵааит:
– Абазаџье сеиӷрун ади недур?11
– Абазаџье бу «ажә» дур,12 – иҳәеит Чагә.
– Абазаџье сеӷир саӷмақ наслиолур?13 – деиҭаҵааит
Уаҳаид.
– Сеӷир саӷмақ: ажәхьара, – иҳәеит Чагә. – Гәыж-мыж...
– Гәыж-мыж... саӷмақ... – иҳәеит Уаҳаид инақәырц­цак­
ны, ажә зынӡа инацәа наҿархахан.
Ахаан амҵ иазыҵымҟьацыз ажә, иабаз уара идыр,
гәыж-мыж, саӷмақә зеиԥшроу сара иусырбап аҳәозшәа,
игәиҽанӡамкәа дахьгылаз илеи илеизыҭрысын, дхыршә­
ҭны деизҟьа дылканажьт. Дгылан дааиуазар ҳәа аҽыр­
хиангьы еиҭаагылеит.
– Аа, сашьит, сашьит самшәх!.. – иҳәан, аԥсышәала
дыҳәҳәеит Уаҳаид.
– Баҩԥҵәа улоума, уеиқәхама?! – рҳәан, саси ԥшәымеи
леихеибаҳәеит.
– Акгьы смыхьит!.. – иҳәеит уи, иҷаԥшьӡа аԥсышәала,
даныҩагыла.
– Ҳаи, Ҿаша, Анцәа уиныҳәааит, заҟа уҟәышузеи, ҳму­л­­
ла аԥсшәа шԥеиурҵеи!.. –иҳәеит Чагә. Игылазгьы рқьышә
ачча аақәыххит.
Уинахыс Уаҳаид аԥсшәа аҳәара далагеит.
Ҳаԥхьаҟа ажәкшақәа рацәаны иаҳҭаххар ҳәа сшәоит...
Аԥсышәала ажә иахьӡузеи?
Аԥсышәала ари ажә ахьӡуп.Аԥсышәала ажәхьара шԥарҳәои?12

МАС- КӘ Ы КӘЫ Н А
РЫЦҲА

Ч

агә Ҵандрыԥшьынтә Уачамчыраҟа даауан. Аԥ­
шь­дәны днықәсын Гәдоуҭа даннеи, уаха ара сыԥ­
хьап игәахәын, иидыруаз Чаабалырхәак иҟны дны­м­ҩа­
хыҵит.
Аԥшәмацәа Чагә данырба даара иеигәырӷьеит, ацә­ҵыс
лкажьны изыршьит, ҿык-бзык иаанагоз афатә ҟар­ҵеит.
Аҭамада Шаҷ Чыкәбар дҩагылан Чагә даниныҳәоз ус
иҳәеит:
– Уаа Анцәа уиныҳәааит, Чагә. Уԥа, убри иԥа ԥҳәыс данааиго агәабзиара уман уаԥылааит!
– Уаа Анцәа исҟәырхуп! «Нан, нан!..» смырҳәакәа
Анцәа сшьы!.. – ҿааиҭит Чагә.
Аҭамада иватәаз Адгәыр Барцыц игәы иамыхәеит.
– Чагәхеит, гәык-ԥсык ала уиныҳәоит, уара иакәым
иҳәазшәа угәы изаанагазеи, уиаҟара нуҵыр бааԥсума?!
– Уара, Кәыкәына рыцҳа иӡбахә уаҳахьазу? – дҵааит Чагә.
– Исмаҳаӡацт...
– Ус акәзар, уӡырҩла, – иҳәеит Чагә, – ажәабжьк шәас­
ҳәап, иҟалахьоу ауп, рҳәоит, иара:
Мас ҳәа ҭаҳмадак убриаҟара ихыҵит, иԥа иԥа, убри
иԥа иԥацәа рыҳәсақәа деимданы агара ду изыҟаҵаны
дырҵысуа ддырцәон. Уаҳа дзыцәомызт. Дахьгараз Нарҭаа
ражәабжь иҳәон.
Ҽнак зны дзырҵысуаз аҭаца еиҵбы, гызмалк лакә­
заарын, агара рҵысуа, иныҵакны ашәа аацәы­рылгеит:
«Уаа, Џьым, Џьым, шәара ишәыхәҭаз агараҿ ацәароу­
ма, шәԥа иԥа, убри иԥа иԥа иԥа аиҵбы ԥҳәыс данааиго
ачара агәҭа шәахатәаны ашәаҳәара акәымзи!..»
«Уаа рада ри, уаа рада шкәакәа!..» – ашәа аацәыри­геит
Мас.
«Уаа, џьым, џьым, – лҳәеит аҭаца уажәы, – ус шәеиханы
ашәа шәымҳәан, шәеихәласыр шәыԥсуеит, аԥсра шәа­
цәым­шәаӡои?»

«Уаа нан, нан, нан!..» – иҳәеит Мас, иԥаҵақәа харшала
агара дахьгараз, иашәаҳәара дааҟәыҵны.
Шьҭа еилышәкаауоу аҭамада иникылаз сныҳәаҿа
сгәы зеихьнашьыз? «Уаа нан, нан, нан!..» сҳәаанӡа Анцәа
сшьы!.. – иҳәеитЧагә.
Аазеишәа иахатәаз зегь ааибарччеит, Адгәыргьы дақә­
ша­ҳаҭхеит.
ЧАГӘ
И ХӘ ЫԤШҚА

Кь

амсыс Аҳалӡга аԥшаҳәаҿы дынхон. Уи ахәаа­хә­
ҭрақәагьы илан. Тҟәарчал ашыц ԥҟаны нахьхьи
Ага14 иӡхгылаз англыз иӷбақәа рышҟа иганы аҭуџьар­
цәа идираахәон. Арахь уихәаԥшыр, игәылацәа дреиӷьны
уеиз­гьы-уеизгьы нхарас имаз ҳәа рацәак акгьы ыҟамызт.
Данцәажәоз уизыӡырҩыр, сара сеиԥш ахәаахәҭҩы даба­
ҟоу имшын.
Ҽнак Кьамсыс иеидара-ҽы, усҟан аҽқәа аидара ры­
қәыр­ҵо иалагахьан, наҟ-ааҟ ҩ-ааҵәак ашыц-хҵәахақәа
ах­шьны, уи ус акәын ишаархәоз, аԥхьа дгыланы дшааиуаз, днаԥшызар, аӡәы амҩа зывгоу аҵла ду агәаҩара
ихы ҭакны аҭаԥшра даҿуп, ивараҿгьы ак шьҭоуп. Дшааиуаз днаидгылазар, абар, Чаҵә Чагә дахьыҟоу, ишьҭоугьы
хәыԥшқоуп, уи анаҩсан шьацҳәакгьы амҩа иангылоуп.
– Ҳаи, рацәа ихәыԥшқоуп!.. – иҳәеит Кьамсыс, удыр­
ҩатә еиӷьхеит аҭыԥан. – Иабоуки?!
– Абри аҵла агәаҩараҿ искит!..
– Ассир, ара ҵлакы ада ааигәа-сигәа акгьы ыҟам, иара
уигьы ар рымҩа иангылоуп, ахәыԥшқа ара ишԥааиуаз?! –
иџьеишьеит Кьамсыс. – Излоуки?
– Аа иахьгылоу изласкызгьы, – Чагә ашьацҳәа инапы
нақәирххеит. – Ари амацароума сынтәа заҟа скхьоу!
– Ҳаи, рацәа уеиқәшәеит, сара исыраахә!.. – иҳәеит
Кьамсыс.
Ага – Уачамчыра.

Чагә идыруан ахәыԥшқақәа рзы англыз ҭуџьарцәа Уачамчыра аԥара бзианы ишыршәоз, аҭырқә ҭуџьарцәагьы
бзиа ибаны иаахәан ишыргоз.
– Ажәеиԥшьаа иуанеишьаз уҭиир, даҽазны иуиҭа­ӡом,
– аҽыҵга ҟаиҵеит Чагә... – Иуҭахызар, уаргьы ашьацҳәа
умыргылои, абри аҵлахь абастәиала ахәыԥшқақәа аара
рдыруеит... – Кьамсыс дызлааз шыҟаз инапы ирххеит Чагә.
– Аиаша уҳәоума?! – дгәырӷьеит Кьамсыс.
– Аиаша сымҳәакәа! Амала аус злоу ашьацҳәа иаҿоуҵо
афатә ауп. Ахәыԥшқақәагьы бзиа ирбо ҳәа фатәык ыҟоуп...
Убри анудыр, нас уеиқәшәеит!
– Исоумҳәои нас!
– Аа, уи ус исызуаҳәом...
– Ыы, ара ус ахәыԥшқақәа аауазар, уаргьы саргьы иаҳ­
зымхар ҳәа ушәоума, ма даҽаџьара исмыргылалои ашьац­
ҳәа, – иҳәеит Кьамсыс; знык исызурҳәандаз, нас угә­­хьаа
скызма ҳәа игәгьы дааҭахәыцит.
– Саргьы бзиа избо ҳәа фатәык ыҟоуп, Кьамсыс, уи
уазымхәыцӡеи?
– Уи арбану, ахәыԥшқа аӡәы ифо убахьоума?
– Мамоу, уи акәым, ақыжә ауп ирфо избахьоу... Қыжәк
ушьыр нас...
– Ыы, ақыжә узысымшькәа исоумҳәаӡои?
– Уиоупеи иҟала ҳәа...
– Ибзиоуп нас, уаҵәы шьыбжьышьҭахьшәа аҩны унеи,
– иҳәеит Кьамсыс, қыжәк закәыхи, ухәыԥшқақәа зегьы
срылгап ҳәа дагьазхәыцит.
– Ақыжә анушьх, схала снеиуама, Шьханыҟәагьы дназгоит, угәыла Хәмаскьагьы днеиуеит, – иҳәеит Чагә.
– Уара, урҭ ишраҳауа исоуҳәар, нас уиаҟара хәыԥшқа
абаагои, иаҳцәырымҟуеи?
– Урҭ иахьраҳауа иуаҳәаны, уаҳа акгьы сзымдырӡои?!
– Ибзиоуп нас...
Кьамсыс иҽы дҩаҵаҟьан имҩахь иҿынеихеит. Дахьнеиуаз дхәыцуан: «Схынҳәны санаауа, ушьацҳәа иаҿоуҵаз
закә фатәу сымбар иабацари, усҟан сқыжәгьы са исзын-

хап, қыжәфара ҳәа унеир, ушьацҳәа иаҿоуҵогьы сҭахым
уара иумаз ҳәа, қыжә узымшькәа алаф улсхып!..» ҳәа.
Аха Кьамсыс дхынҳәны данаауаз шьацҳәагьы имбеит,
иаҿазгьы имбеит. «Чагә гызмал схынҳәны санаауа изакәу
шгәасҭоз идыруан, ишьацҳәа кыр аҿеиҵо дыҟахызма, уимоу, ахаҭагьы нимыжьт, игеит, – иҳәан, игәы дааҭахәыцит.
– Иаууеи, ақыжә ашьра сықәшәоит».
Уаҵәы шьыбжьышьҭахьшәа захьӡыз азы Чагәи Шьха­
ныҟәеи Кьамсыс иашҭа инҭалеит. Хәмаскьагьы днеихьан.
– Уажә исоуҳәоу, уашьҭан исоуҳәоу? – дҵааит Кьамсыс,
инцәыҵакшәа.
– Ишеибаҳҳәаз ауп, – иҳәеит Чагә. – Уашьҭан иуасҳәоит,
сызурццакуазеи, ақыжә анушьлак ашьҭахь...
Ақыжә иахдырҵуаз, иаразнак иааиҿырҟьҟьан иржәит.
Нас илеидтәалеит, рқьафқәагьы ааҟарҵеит.
Абраҟагьы Кьамсыс еиҭацәыригахт иҽхәара: иара
иеиԥш ахәаахәҭра иазҟазоу Тҟәарчал дшумбо, Тҟәарчал
моу, иара Аҟәагьы дышмаҷу, аҭуџьарцәа рацәаҩны дшырдыруа, урҭ Сҭампыл ишынхо, Сҭампыл акәым идырцәа
Ан­глыз тәылагьы ишыҟоу.
– Урҭ зегь усоуп, аха... – иҳәеит Чагә.
– Нас?! – дҵааит Кьамсыс.
– Урҭ зегь усоуп, аха ахәаахәҭҩы бзиа амц дыржьар
имуазароуп...
– Ыы, нас сызжьаны иубада!
– Мамоу, уара уакәым сызҿу, аха убас издыруаз хәаахә­
ҭҩык, ҳшыцқәа зегь ыҵырҟаан аҭырқәцәеи ан­глыз­қәеи
мариала ирызҭахьаз, сеиԥш хәаахәҭҩы ҟәыш дыҟам ҳәа
зхы зыԥхьаӡоз аӡәы дыржьан, – иҳәан, уаҳа ацимҵеит
Чагә.
– Дышԥаржьаз?! – дҵааит Кьамсыс.
– Дшыржьаз усоуп, ҽнак уи иԥиҟаз ашыц ааҵәақәа
иҩарҭеиҵан ҽыла иманы Уачамчыраҟа дышцоз, амҩан
аҵла иамҵатәаз аӡәы днаидгылт, шьацҳәакгьы ивараҿы
амҩа иангылоуп. Уи итәаз абнаҿы ашьацҳәа иргылазаарын, ахәыԥшқа икын, ашьацҳәагьы иман дшааиуаз иԥсы

неиҭеикразы днатәазаап. Иааиуаз ахәаахәҭҩы ари даниба, ахәыԥшқа абоуки ҳәа диазҵааит, исыраахә ҳәагьы
иеиҳәеит, нас иара иганы хә-ҳаракыла аҭырқә ҭуџьарцәа
идираахәарц. Аха ани итәаз дгаӡамзаап, ирхәҳара мап
ацәикын, абри амҩаду иангылоу аҵла агәаҩараҿ сшьац­
ҳәа иакит ҳәа иеиҳәеит.
– Нас, нас?! – иҳәеит Шьханыҟәа, Чагә дааиалацәҟәын.
– Нас, ахәаахәҭҩы иаҳаз иашаз џьишьан, дҵааит аб­
ра амҩа агәҭа имшәаӡакәа иааны ахәыԥшқа ушьацҳәа
ишԥаҿалеи ҳәа. «Ишԥаҿалеи, урҭ бзиа ирбо абас фатәык
здыруеит, ашьацҳәа инаҿоуҵеит – амҩа ианургыларгьы
убра инеины иаҿалоит!..» – иҳәазаап аҵла иамҵатәаз.
– Ҳаи, абааԥсы, ус акәзар иарбан фатәу урҭ ахәыԥшқақәа
бзиа ирбо, исоумҳәои!.. – иҳәазаап ахәаахәҭыҩгьы.
– Ахәыԥшқақәа рыхә цәгьоуп, қыжәк ушьуазар иуас­
ҳәап,– иҳәахзаап ани аҵла иамҵатәаны зыԥс зшьоз. Убас
иагьеилаӡеит.
– Изишьма, уара, нас ақыжә?! – дҵааит Хәмаскьа.
– Изишьит.
– Ассир, уҭахызар! Уара, иара ахәаахәҭҩы ҳәа узҿу
зынӡа дгаӡҳәыџьхеит акәымзар, ахәыԥшқа амҩаду иан­
гыло ашьацҳәа инеин иаҿалеит ҳәа уаҳахьоума?! – иџьеи­
шьеит Хәмаскьа.
– Шьҭа уара иумун, Хәмаскьа, – иҳәеит Чагә, – сара ам­
ҩа иансыргылаз ашьацҳәа ахәыԥшқа ааин иаҿалеит!
Кьамсыс иҟаз зегь еиликаан, иқыжә игәы иҵаланы
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 04
  • Büleklär
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3683
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2262
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3647
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2302
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3613
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2244
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3620
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2215
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3759
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2132
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3664
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2356
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3624
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2328
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3581
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2231
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3571
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2300
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3607
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2337
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3713
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2050
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3648
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2222
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3623
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2146
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3575
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2293
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3607
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2334
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3619
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2391
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3607
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2412
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3723
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2182
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 19
    Süzlärneñ gomumi sanı 3737
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2236
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 20
    Süzlärneñ gomumi sanı 3771
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2323
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 21
    Süzlärneñ gomumi sanı 3737
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2374
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 22
    Süzlärneñ gomumi sanı 3663
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2239
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 23
    Süzlärneñ gomumi sanı 3428
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1451
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 24
    Süzlärneñ gomumi sanı 3327
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2515
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 25
    Süzlärneñ gomumi sanı 3771
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2148
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 26
    Süzlärneñ gomumi sanı 3728
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2106
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Аҩбатәи атом - 27
    Süzlärneñ gomumi sanı 553
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 422