Latin

Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Актәи атом - 24

Süzlärneñ gomumi sanı 4311
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2116
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
ҳәаз ҳзеилымкааит?!. Ҳа ҳаума алахшақәа?!.
К ь ы ш ь м а р ы и Н а р ы қ ь. Бақырҭуаӡами, бицо?!. Ҳаз­
ҿу бымбаӡои, бцәажәашьозеи, беилагама?!
Ҳ а џ ь ы м - ԥ ҳ а А и ҳ а б ы. Са сақырҭуоуп! Сагьагыруам, сагьшәануам! (Нас лабала агәабан деиҭасны.) Шәара
алах­шақәа, дызусҭада иаха сыԥҳа заҵә аҩы даршьны лцәа
ԥҽны дназышьҭыз?!
Рыхҩыкгьы неихәаԥшы-ааихәаԥшуеит. Нас.

Ч а ҵ ә Ч а г ә. Уи ҳа иҳаздырӡом, бызҿу закәи?!.
Ҳ а џ ь ы м - ԥ ҳ а А и ҳ а б ы. А-аит шәҽышәзым­ды­
рааит! (Ллаба иаԥхьа ишьҭалкшоит.) Иахантәиашарак дыш­­­­
ҵәыуоз лыршеит, исызлырҳәомызт, ашарԥаз ианыл­сыр­ҳәа
– хҩык амлагараҿ итәан, ашампанҩи акониаки еи­лаҭәаны
исдыржәын, саршьны сцәа ԥырҽит лҳәеит... Шәуа дарбану ус ҟазҵаз, алахшақәа?!.
Џ ь н е и Џ ь г ә а ҭ. Уи ҳа иҳаздырам. Иаха абра хҩык
тәан, ицахьеит. Ҳара иахьа шьыбжьон ауп ҳааган ҳан­
дыртәа, акгьы ҳаздырӡом.

К ь ы ш ь м а р ы и Н а р ы қ ь. Ус ҟазҵаз аԥсацәоуп...
Иаха хҩык аԥсацәа, аӡәгьы аԥаҵа иҿаны, абра ақырҭцәа
ҳа ҳтәқәа ахьтәаз иааин ирыдгылан, наҟ шәықәҵны шәца
ҳәа. Убарҭ анцоз бнаскьаагоит ҳәа илеижьан дыргазар
ҟалап, хәлахьан. Убарҭ роуп ус лзызуз, рҳәеит.
Џ ь н е и Џ ь г ә а ҭ. Ара шәахьтәо ԥаса акинотеатр Аԥс­
ны ыҟан, уажә ақырҭуа театр гылоуп, Шьеварднаӡе Обком
ахь дасын ақырҭцәа ишәырҭеит, абригьы шәзым­хаӡои
ҳәа, убасгьы иаӷьуан, рҳәеит.
Ҳ а џ ь ы м - ԥ ҳ а А и ҳ а б ы. (Ллаба шьҭакшаны). Ишә­
ҳәо мцуп, шәара алахшақәа!.. Баннеилак аӡәыр дбазҵаа­
уазар, исзызуз аԥсуаа роуп ҳәа, абасгьы ҳәа ҳәа сарҳәеит
лҳәеит! (Аҟәақҳәа лабала агәабан дасуеит.)
Ч а ҵ ә Ч а г ә. Уаҳа ҳара акгьы ҳаздырам.
Ҳ а џ ь ы м - ԥ ҳ а А и ҳ а б ы (лабала аҟәақҳәа иаԥхьа ды­
шь­ҭасны). Ус акәзар, сара ишәсырбап!.. (Шьҭахьла-шьҭа­
хьла дларыдҟьан даанаскьан, ллаба ҩкажьны леиԥка авара
даазҩахан луаҭәа резинала иадҿаҳәалаз аграната аавҵԥаан
ирҟымҟымуа, Чагә иахь.) Руаӡәк аԥаҵа иҿан лҳәеит, уара
алахша! Уара уоума?!. (Лграната иҵегь даа­ҩахоит.)
Џьгәаҭи Нарықьи ахьшәҭҳәа рылахь рмахәарқәа нарԥыраркуеит,
аграната неиуазар акыр ирыхәарашәа, нас иларыхоит.

Ч а ҵ ә Ч а г ә. Бҽаанкыл, ди! Иаха итәазгьы руаӡәк
аԥа­ҵа иман рҳәеит, аха уи дкьаҿын, са саууп! Абри бзым­
дырӡо аума баан бышҳақәлаз?! (Иҩаҳаракны.) Ибыр­шәыр,
баргьы башьып!..
Ҳ а џ ь ы м - ԥ ҳ а А и ҳ а б ы. Шәара шәеиԥш, имлагошәа
ҟаҵаны, цәқәасра иаауаз аҩы дадыршьын, сыҷкәынгьы
авариа ҟаиҵан дҭахахьеит, алахшақәа!
Ч а ҵ ә Ч а г ә. Уигь ҳа иҳаздырам. Иаха итәаз абахҭақәа
рҟынтә рхы иақәиҭҭәны иоурышьҭқәаз иреиуоуп. Шье­
варднаӡе иааишьҭит, Аԥсны шәцан шәымлагала ҳәа,
Қырҭ­тәыла шәазықәԥала ҳәа. (Дааҭгылоит.) Жәаба-жәа­
ба шықәса рықәын, хәба-хәба итәахьан (Дааҭгылоит.)
Урҭ ҳрыдбымкылан! Ҳара ҳпатисанқәоуп. (Дааҭгылоит.)

Ибку наҟ иҟаҵа. (Дааҭгылоит.)Ус лзызуз дигаргьы быз­
ды­рамеи макьана?!.
Ҳаџьым-ԥҳа Аиҳабы. Ани сыԥҳа дышԥаисҭо, уара
алахша?! Уи шәа шәакәзар ҟалап, цас ишәҳәоит!..
Асцена иаақәибаҳәан иаалыдгылоит Ҳ а џ ь ы м - ԥ ҳ а ц ә а А г ә а б ­
ж ь а н ы т ә и А и ҵ б и. Уажә урҭгьы аиқәаҵәа ршәуп.

Ҳ а џ ь ы м - ԥ ҳ а А г ә а б ж ь а н ы т ә (длыдыххыло, ир­
ду­ны). Иргәыдбымҵан!! Уи ҟазҵаз арҭ ракәӡам, даҽа шьоукуп!
Ҳ а џ ь ы м - ԥ ҳ а А и ҵ б ы. Ус ҟабымҵан, бара ус, арҭ
ракәӡам!!! Наҟ иҵәахы!..
Ҳ а џ ь ы м - ԥ ҳ а А и ҳ а б ы (лнапы лалырҟәуеит). Уи
шәа­ра ишәазҳәада?!
Ҳ а џ ь ы м - ԥ ҳ а А г ә а б ж ь а н ы т ә. Имаӡоуп, иуҳәар
ҟалаӡом, аха сыԥшәма иоуп, Ашәарҭадара Акомитет аҟны
аус иуеит. Шьеварднаӡе Аԥсны еиҳаб дук ишҟа ҿиҭит,
ицәыршәымган, џьаргьы ишәымҳәан, дара ус ҟазҵаз
ықәган иганы ҽа шьоук шәыртәа ҳәа. (Дааҭгылоит.) Ами­
ли­циаа рминистр имашьына ааишьҭны иқәган ир­ҵәахит,
иҭартәаны иахьааз идәықәырҵеит. (Дааҭгылан, лнапы
кны дахо.) Арахь баала, арахь!..
Ҳаџьым-ԥҳа Аиҳабы леиԥкавара дааҩахан лытәӷәы иахаз арези­
наҟьаҟьақәа ҩба даарыхан иааиҵыхны лыгранат нарыв­ҵалҵоит.

К ь ы ш ь м а р ы и Н а р ы қ ь. Бара зеиԥка аграната ыҵ­
ԥаан аршәра здырҵахьо бреиуоума? Афырԥҳәыс!
Ҳ а џ ь ы м - ԥ ҳ а А г ә а б ж ь а н ы т ә. Уи уа уус алам!
(Дааҭ­гылан.) Ара ауатка шәымжәӡоз иахьа? Аршы?!
Итәоу ақәҿырҭуам.

Ҳ а џ ь ы м - ԥ ҳ а А и ҳ а б ы. Амлагараан иужәыр ҟало­
ма, шәара ацәарӡгақәа?! (Абираҟ ашҟа дыԥшуа.) Ари ара ацәа
ԥышәҽуеит!.. (Ашырҳәа днеин иаакыдхны даақә­ҵәиаауеит.
Џьгәаҭ дҩыҵыззан днамҵасуеит, иааимдырххоит, аҭарчеи
аба амҵны лара илгоит, нас Аҳаџьым-ԥҳа­цәа ахҩыкгьы
ықәибаҳәа ицоит. Иара ахәҵәы ҩызӡа иааимпыҵахоит).

Џ ь н е и Џ ь г ә а ҭ (ахәҵәы нкыдыргылан дааин дахьтәаз
дыштәац днатәо, игәгьы азынамӡо). Сшәануам, сагыруам,
лҳәеит, арахь ҳада ԥсыхәа рымаӡам!
К ь ы ш ь м а р ы и Н а р ы қ ь. Шәа ишәхарами, дара
рзыҳәан шәыҽкыдшәҟьоит... Ара Аҟәа Ленин ихьӡ зху адә­
ҩа аҟны аԥсуаа анеизаз, маҟҿаҳәара ҩахыс зҽеилыхны,
зҽыркьантазны асамосвал машьына иақәтәан ирыжә­ларц
иааз зусҭцәадаз, шәа шәакәӡами?! (Дааҭгылан.) Убысҟан
аԥсуаа алаӷәым аҵажьны инырымкылазҭгьы, рылахыс­ра
ҟашәҵарц шәгәы иҭазма?! Алаӷәым анаҵаԥжәа «бомбеби, бомбеби!..» ҳәа, шәыҳәҳәаны, шәақәппны шәмыҩ­­ӡеи
нас?..
Џ ь н е и Џ ь г ә а ҭ. Уи уа уус алам! (Дааҭгылоит.) Шәара
агырқәа шьоукгьы ҭыԥ ԥхак Қарҭ шәганы ианшәырҭалак,
шәыжәлар шәҭиуеит...
К ь ы ш ь м а р ы и Н а р ы қ ь (игәы иалсны). Ҳара ҳажә­
лар ҳҭиӡом, ҳамҿыршьшьаҩцәаӡам!..
Џ ь н е и Џ ь г ә а ҭ (игәы иалсны). Ҳара ҳамҿыршь­шьаҩ­
цәазар, шәара шәымҿԥҟаҩцәоуп!..
Ч а ҵ ә Ч а г ә (дрықәымчны). Шәҽаанышәкыли, уара,
«амҿыршьшьаҩцәа», «амҿԥҟаҩцәа» ҳәа зцәыржәга закәи
уажәы?! (Дааҭгылан.) Аԥсны аҭыԥан Аҩбатәи ақырҭуа республика ҟаҳҵоит, уи агырцәа ишәаҳҭоит. Ашәанцәагьы
убрантә хәҭак шәоуеит. Шәануалеи гыруалеи ԥшькласск
рҟынӡа аҩра-аԥхьара азин шәаҳҭоит. Уаҳа ишәҭахи?!
Шәҳадгылан шәзымықәԥари?! (Дааҭгылан инапы дазҩа­
хан, иаартны иазырқәаџқәаџуа.) Ани лоума шәара шәыз­
зыӡрҩуа?!.
Џьгәаҭи Нарықьи ақәҿырҭуам: Нас рыхҩыкгьы рыбӷақәа неид­
ҵаны, ршьапқәа рыҵхны, рнапқәа ргәыҵаԥса, ԥаса иштәаз еиԥш
инатәоит. Ааҭгылара ашьҭахь иаалҟьан убас иштәоу ԥхьаҟа-ԥхьаҟа
инықәҳәазан иаазынаскьан нас шьҭахьла еиҭаақәҳәазан адыжәҳәа
рызқәақәа еиҿаркшоит, еидырсуеит, еиҿаркшацԥхьаӡа «чвени
миҵа» ҳәа еицыҳәҳәоит. Абас хынтә-хынтә иҟарҵоит, аԥшьынтә
раан рызқәақәа анеиҿадырслак, ус ишыҟоу рышьхәақәа асцена
иқәырбаӷьо еигәҭасуеит, ириааиуада рҳәошәа, аха «буксовать»

ҟарҵоит, дара убриаамҭаз «чвени миҵа» ҳәа еицыҳәҳәоит. Нас иҩа­
ҵибарҟьан ԥшьынапха еиҳәҭагылан иаагылоит, рӡарақәа еибакны,
адәыӷба авагонқәа ракәны еицраҳәоушәа. Абри аамҭаз ақырҭуа
бираҟ кны даақәыххуеит Алафҳәаҩцәа Рабжьгаҩ адолларқәа рзызшоз иакәны. Ибираҟ «адәыӷба апаровоз» – Чагә – инаиркны, иара
рышьҭахьӡа «иҽынарыцреиҳәоит» ԥшьынапха. Чагә ирҭаз абираҟ
ишьҭахь иацраҳәаз «авагон» – Џьгәаҭ – инаииркуеит, Џьгәаҭгьы ицнапыкла уи камҳартә Чагә иҟәаҟә, изқәа иқәыргыла иааникылоит
– «рдәыӷба» рбираҟ ахадыргылт. Нас уи ашьҭахь адәыӷбаныҟәабжь
атакт иақәыршәаны, азал иахьаду рыцнапқәа рыла адәыӷба акәыр­
қәа рыҵәишьа ҟаҵо: «Виси миҵа? – Деда миҵа! Виси миҵа? – Чвени миҵа!» (Изыдгьылда? – Ҳа ҳадгьылоуп!) ҳәа адәыӷба иа­ҳәо­шәа
ирдуны уи атактла еицыҳәо, ршьамхқәа реихгарагьы уб­ри атакт
иақәыршәо ицоит. Рыбжьы наҟынтәгьы иааҩуеит, нас иҭаауа-иҭаауа
иаацәоит. (Ааҭгылара.) «Адәыӷба» ахьцаз шыҟоу ахы­сыбжьқәа ма
атҟәацбжьы гоит. Асценаҿ алашара ыцәоит, нас иакуеит. (Ааҭгылара).
Ицаз хынҳәны иаақәлоит, ишыҟарҵац ҟаҵо. Асцена ааихҵәаны егьи
аган ахь ала ицоит, аха уажә ирҳәо «Мықә-Гәыԥ-Ԥадгә-Ԥақәашь! –
Мықә-Гәыԥ-Ԥадгә-Ԥақәашь!.» ауп ҽа блу­зақәак ршәуп, Чаҵә Чагә
иҟәаҟә иқәыргылан Џьгәаҭ икуп бираҟ. Абас ҳәо ианцалак рыбжьы
ааҩуеит, инаскьахо. Нас ихҵаны адәыӷбаҵәҟьа абжьы гоит.
Ааҭгылара.

А к т ә и а б ж ь ы (наҟынтә ҿылҭуеит). Тҟәарчал иҩеиз
адәыӷба арбану, бара?
А ҩ б а т ә и а б ж ь ы (наҟынтә ҿылҭуеит). Уахь иҩеиз
Дырмит идәыӷбоуп, ҳара ҳтәоуп! Ихынҳәны ҳбираҟ ахаргылан ианаауазгьы бымбаӡеи, бара?! (Дааҭгылан.) Егьи,
дара ртәы, зымҩеиӡеит, Ӡибнаҟа ицеит Камкеи Нырбеи
иԥа Аслан ихиршәҭит.
А к т ә и а б ж ь ы. Бара, урҭ рдәыӷба уахь иҩеиуаз џьы­
шьа, Тҟәарчал иахагылаз ҳбираҟ ахыхны илбаашәышьҭ
ҳәа, ӡәыр иҳәаны егьины ҳәа, ус кыр баҳазма?..
А ҩ б а т ә и а б ж ь ы. Уи Сашәаргьала иакәын, рҳәеит.
А к т ә и а б ж ь ы. Иара дыҟоу, дыԥсхьоу? (Дааҭгылан.)
Уажә дызҿузеи?
А ҩ б а т ә и а б ж ь ы. Дыҟоуп. (Дааҭгылоит.) Ақәыџь­
ма аауеит, абра угылазароуп анырҳәа, дшәан аҵла да­

хьықә­лаз ианааимҵала, далыҩрны абақҳәа длақәҳан абӷа
ахьԥиҵәаз ргәалашәан, уажә ахыбжа имҵарҵеит, убра
имҵоуп!..
А к т ә и а б ж ь ы. Имҵазҵада зырҳәа?!.
А ҩ б а т ә и а б ж ь ы. Амҵаҵаҩцәа… (Дааҭгылан.) маанала рҳәеит...
А к т ә и а б ж ь ы (иџьашьаны). Унан, бара, исаҳауазеи?!.
Еиқәҿызҭуаз рыбжьы ааиқәтәоит. Ааҭгылара. Ицаз «Адәыӷба» злацаз ала даҽак аацәырҵуеит, иҟац роуп, аха уажә ирҳәо-еиҭарҳәо
«Калдахәара санбанеиуеи?!» ауп. Абас ҳәо асцена ааихҵәаны ақәҵ­
рахь рхы надырхоит.

Ҳ а р а з ы и А с ҭ а ԥ а н (даагылашәа ныҟаҵан). Уара,
Калдахәара шәабацо, Егрыҟа акәӡами шәхы ахьхо?!
«Адәыӷба» ааҭгылоит.

Ч а ҵ ә Ч а г ә (азал ахь). Ҳарҭ уажә Аҟәа ҳцоит, нас устәи
Калдахәараҟа! (Дааҭгылашәа.) Аҩныҟа! (Дааҭгылашәа.)
Тҟәарчалгьы ҳаҟан, Егргьы ҳаҟан, иаҭахыз зегь ҟаҵаны
уантәи ҳаауеит, иумаҳаӡаци?! (Иаазыларҟәшәа.) Уаргьы
Аԥсны уалҵны бызынсмынра уҟазма?
Ишырҳәоз еиҭаҳәо ицоит, рыбжьгьы маҷ-маҷ иааиқәтәоит.
Ааҭгылара.
Иаацәырҵуеит Ч а г ә и, Џ ь г ә а ҭ и, Н а р ы қ ь и. Уажәы ԥсуамаҭәала
еила­ҳәоуп. Азал ашҟа иреихырхәан иаагылоит.

Џ ь н е и Џ ь г ә а ҭ (азал ахь). Аҵыхәтәан уа ҳа ҳтәыкгьы
ацҳҵеит! (Дааҭгылан.) Ыы, ҳа ҳтәқәа мламгаӡоз, имықә­
ԥаӡоз Рыԥсадгьыл Аԥсны азы?! (Дааҭгылашәа Нарықь
иахь.) Адәыӷбақәа рымаӡамыз?
К ь ы ш ь м а р ы и Н а р ы қ ь. (Џьгәаҭ иахь, иаазылар­
ҟәны). Ирыман, аха нас ирцәырҭиит. (Нас иҳаракны азал
ахь). Имықәԥондаз аиааира ҳазгозма?! (Дааҭгылоит.)
Кәамтыт Спассениа ҳәа ирымҵагылар – ҳашԥаҟалоз?!.
(Дааҭгылан.) Шәымлагара шәаҟәыҵны наҟ шәықәҵны
шәца ҳәа рарымҳәалар – ҳзеиԥшрахоз?! (Дааҭгылан.)

Инеи­ны убас ахьрарҳәаз азы цас ахарагьы рыдырҵарц
иа­ла­геит, умаҳаӡеи?
Ааҭгылара.

Џ ь н е и Џ ь г ә а ҭ (азал ахь). Аибашьра ианалагаз –
ҳаҳәсақәа, ҳхәыҷқәа, ҳбыргцәа ҳаҩнқәа ирыҩнакны иаларбылуан, ара иааны, иара Комитет-Кәамтыт... ҳәа днеин дрымҵагылан...
К ь ы ш ь м а р ы и Н а р ы қ ь. Иара ҳәа узҿу уи дарбану?
Џ ь н е и Џ ь г ә а ҭ. Сашәаргьала! (Дааҭгылан.) Сашәар­
гьалараа!
К ь ы ш ь м а р ы и Н а р ы қ ь. Уи – ажәытәан, уажә
аҿатә ишԥеихьӡу?
Џ ь н е и Џ ь г ә а ҭ. Ихьӡ – Кәамтыт ма Ком-тәытә –
аҩбагьы, ижәла – Спассениа!..
К ь ы ш ь м а р ы и Н а р ы қ ь. Уи закәытә бызшәала?
Џ ь н е и Џ ь г ә а ҭ. Бызшәала еилаԥсоуп. Кәамтыт – уи
зыхьӡу удыруеит, аԥсуалоуп. Ком-тәытә – тәым бызшәала
ком – сааит, иҳәеит; ԥсуала тәытә – атәы, атә-итәы – уб­ри
соуп ҳәа ус иеиҳәеит... Ани Қарҭынтә иаан итәаз дахь­
тәаз днеин...
К ь ы ш ь м а р ы и Н а р ы қ ь. Ҳыҳ!.. (Дааҭгылан.) Хо,
хо, хо! (Дааҭгылан.) Спассениа иаҳәои? Аиқәырхара аума?
Ахеиқәырхара акәу?!. (Дааҭгылан.) Шәыргәындароу?!.
Џ ь н е и Џ ь г ә а ҭ. Спа (Дазааҭгылан.) – спара ануба,
иҳәеит, ссениа ҟасҵеит ҳәа иеиҳәеит... Дахьахатәаз днеин...
К ь ы ш ь м а р ы и Н а р ы қ ь. Чыхьхь ҟасҵеит ҳәоу уара?!.
Џ ь н е и Џ ь г ә а ҭ. Аиеи. (Дааҭгылан.) Убас днеин иҽи­
ҭеит...
К ь ы ш ь м а р ы и Н а р ы қ ь. Ус иҽзиҭаз дызусҭада?!
Руа дарбану?!.
Џ ь н е и Џ ь г ә а ҭ. Шьаварднаӡе (Дааҭгылан.) Уи даиааиуаз џьишьон...
К ь ы ш ь м а р ы и Н а р ы қ ь. Ибааԥсны иҟалеит. (Дааҭ­
гылоит.) Уара, убас ҟазҵаз даԥсуаҵәҟьома?! (Дааҭгылан.)
Ҳара дҳаиуану, уара?!
Ааҭгылара

Ч а ҵ ә Ч а г ә. Уи шьҭа иҟалеит... (Дааҭгылоит.)
Дшәаны иҟаиҵеит... (Дааҭгылоит.) Амала дара спассениаа рыбжьы дмырдуцәалароуп... (Дааҭгылоит.) Аҽы шәар
– абла аш хылоит, ауаҩы дшәа-аар...
К ь ы ш ь м а р ы и Н а р ы қ ь (иааимдан). Чыхьхьы
ҟаицоит...
Ааҭгылара.

Ч а ҵ ә Ч а г ә. Дшәацәар...
Ааҭгылара.

Џ ь н е и Џ ь г ә а ҭ. Уара, Чагә, уи – уиоуп, аха еи­цаҳ­
куаз рыҟаҵашьа зегь ҳзыҟаҵамашь? (Дааҭгылан.) Ак
ҳцәаг­­хазар?
Ч а ҵ ә Ч а г ә. Анҭ ара иҟарҵоз зегь ҳаӷӷоу иҟаиҵааит...
Дара ртәы аҩы даршьы илзыруз умаҳаӡеи?!
Ааҭгылара.

К ь ы ш ь м а р ы и Н а р ы қ ь. Уара, амлагараҿ – уиазар
акәӡами?! Анс угылан уқәгьежьуа егьиуа ус ҟоуҵар ҟа­
лома? (Дааҭгылан.) Абри шәцәагхеит ҳәа ҳазҭахым шьоук
ак ҳқьышә иқәрымкааит...
Ч а ҵ ә Ч а г ә. Урҭ иҟарҵалак ҟалон!.. (Дааҭгылан.)
Азин рыман. (Дааҭгылан.) Шьеварднаӡе ириҭеит. (Дааҭ­
гылан.) Иухашҭма?!.
Ааҭгылара.

К ь ы ш ь м а р ы и Н а р ы қ ь (игәалашәазшәа). Ҳаи, ис­
хам­шҭхьаз!.. Уажәоуп иансгәалашәа!.. (Дааҭгылоит.) Из­
хазыршҭхьоугьы убап, рмаӡа-маанала иҳало шьоукгьы...
Џ ь н е и Џ ь г ә а ҭ. Арзаҳал ҳзыҩны иҳаҳәаз ахәыҷқәа
ҩеидасыр, уашьҭан, иагрыжьт ҳәа, ҳабла ак хырбалартә
иҟамлааит, Чагә...
Ч а ҵ ә Ч а г ә. Иаҳцәагхазар ҳәоуп иуҳәо. (Дааҭгылан.)
Шәҳәацәеит рымҳәааити урҭ рмаӡа-маана ҵкар иреиуоу
шьоукы...
Ааҭгылара.

К ь ы ш ь м а р ы и Н а р ы қ ь. Уаҳа иаҳхашҭрыз сеидроу... (Дааҭгылоит.) Иаамжуазар?!.
Џ ь н е и Џ ь г ә а ҭ (иҩаҳаракны.) Уажә ак сгәалаур­
шәеит!.. (Дааҭгылан.) Иржаанӡа ишԥарзыруеи, Нарықь?!
(Дааҭгылан.) Иацҳҵаша даҽакгьы ыҟазар ҟалап!.. Ус акә­
ӡами, Чагә?!
Ч а ҵ ә Ч а г ә (иҩаҳаракны). Иацҳҵаша шԥаҟам! Иҳам
ҵәуеи!..
Азал рывара ааиархан, егьырҭ рдәыӷба акәушәа иаԥхьан излацаз аган ашҟа рҿы рҳәны аԥсы дызҵәуо реиԥш иааивагылан, рхы
иаасуа.

Р ы х ҩ ы к г ь ы (еицырҳәоит). Аҳи-ҳи шәымшақә!
Аҳи-ҳи шәымшақә! А-аҳи-ҳи-ҳи шәымшақә! (Маҷк
ааҭ­гылара.) Ари шәара шә-деда, шә-чвени миҵа акә­
ӡам, Аԥсноуп, шәазыҟазҵозгьы шәаргьы ижәдыруаз!
(Иақәырццакны.) Шәыԥсцәа еиҭажәгеит!.. (Нас азал ахь
иааҳәны иааивагылан, ажәҩан иҩаҵаԥшны, рнапқәа ааи­
баркны, ирдуны, азал ахь.) Анцәа ҳазшаз уи ус иҳәоит –
иакәым ҟазҵаз иара дагоит. (Иааҭгылан, иҵегь ирдуны.)
Анцәа ҳазшаз уи ус ҟаиҵоит – Аԥсны зиҭаз иара дибоит!!!
(Иааҭгылан.) Аԥсны зиҭаз иара дихьчоит!!! (Ихыр­хәан иаагылоит, нас ицоит.)
Анапеинҟьара ҟаларгьы даазыԥшны даацәырҵуеит А л а ф ­ҳ ә а ҩ ­
ц ә а Р а б ж ь г а ҩ. Ч а г ә и, Џ ь г ә а ҭ и, Н а р ы қ ь и ишьҭархх иааиуеит. Иара дахьгылоу иаҿа рықәкуа азалахь идырбо:

А л а ф ҳ ә а ҩ ц ә а Р а б ж ь г а ҩ. Ари Чаҵә Чагә иоуп,
Гәыԥынтәи; ари – Џьнеи Џьгәаҭ, Аҷандарантәи. Аҩыџьагь
рыхьӡқәеи рыжәлақәеи уркьаҿыр – Ччы-ЏьЏьы ҳәа иҟа­
лоит, – Чча-Џьџьаа ракәхоит. (Дааҭгылан.) Ари – Кьышьмарыи Нарықь, Рекантәи. Ԥаса – Бедыи дынхон, Бедыҩа,
Бедыҩан, Бедыҩажәа, Бедыҩажәан, Бедыҩажәны, Бе­
дыҩа­жәеи, Бедыҩара, Бедыиара, Беидыиара... – абас иҟан
жәытәан абри ақыҭа ахьӡ; иахьатәиала Бедыиа. Уи иаҳәо
закәу арбан еилызкаарц зҭаху алафҳәаҩцәеи аҭоу­рых­
ҳәаҩцәеи Рыҩнахьы шәнеир, макьана ажәытә жәа­быжь­

ҳәаҩцәа дуқәа ҳамоуп, ишәарҳәап. (Иаақәлоит Ҳаџьы­маа
ахҩеиҳәшьцәа. Нас.) Арҭ абжьыуаа рҟны зегьгьы еи­цыр­­
дыруа ахьӡыртәҩцәа-алафҳәаҩцәа Ҳаџьымԥҳацәа ах­
ҩеиҳәшьцәа роуп: Ари – Аиҳабы, ари – Агәабжьанытә,
ари – Аиҵбы. Ажәлар рҟны усоуп ишырдыруа, рыхьӡқәа
рҳәаӡом. (Даазԥышәырччан.) Хаҵагьы имцаӡацт... (Дааҭ­
гылоит.) Иааркьаҿны арҭ рыхьыӡ Ҳаџь-џьџьаа мам­
зар­­гьы Ҳаџьы-џьџьаа ауп. (Дааҭгылоит.) Абарҭ рызегь
иахьа раԥхьаӡа аԥсҳа Ԥс ихьӡ зху ашкол аҵаҩцәа иҟар­
ҵаз аҳәарала, уи закәыз шәаҳауан, наҟтә иааган иҳа­­­
ландырхахьаз, аибашьра алагамҭази аибашьраани иаҳ­
ҿагылан Аԥсны ҳамазкуаз ақырҭцәа рыҟаҵашьа ҟаҵо
ррольқәа нарыгӡон, саргьы агитациаз иаарышьҭқәоз аӡә
ироль анагӡара сазкын, спортфел-ыргьало, адолларқәа
рызшо егьиуа, сыжәбеит. (Дааҭгылоит.) Иахьа абра –
аҵыхәтәан зыҟаҵашьа ҟаҳҵоз, зрольқәа нагӡо еицаҳкуаз
рызегь рыхьӡ аазыркьаҿны хабгалаџьаа ауп, ихабгалеит... Хабгаагьы дара роуп – рыха бгеит. Уи ус шакәыз дара
иаԥшьыргаз аибашьра иаанарԥшит, 1992-1993 шықәсқәа
рызтәи аибашьра. (Дааҭгылоит.) Ара иаҳзымҳәаз, ҳаз­
хьымӡаз крыҟазаргь, иара рыҟаҵашьа ахаҭа шәырбара
иахьа иалаҳагӡеит, иахьаҳагӡеит, убриоуп. (Дааҭгылоит.
Иҩа­ҳаракны.) Аринахыс, абрахь Аԥсны Алафҳәаҩцәа Рыҩ­
ны ашҟа шәанаауа, абзиарақәа рзы ҳаибабалааит, бзиала!
Рызегь рнапқәа ирҩахан бзиала ҳәа иҟьо, азал рызқәа амеиархакәа,
шьҭахьла-шьҭахьла, ицоит.
Абриала инҵәоит, аха ахԥатәи ақәгылара, еиҭаддырбарц ана­
пеинҟьара иаҟәымҵыр, абыжьқәа го, асценахь иааган иқәныр­кыло
иалагар, абри ацҵатәуп (ахԥатәи ақәгылара зегь еиҭахәмарны
иацырҵаргьы ҟалоит):

Ҳ а р а з ы и А с ҭ а ԥ а н (даагылан, анапеинҟьара аих­
сыӷьра даазыԥшны, иаҟәымҵыр, иаарӡырҩны ма ирдуны).
Убра акы сазҵаар сҭахын, ак аԥысҵарц, иҟалозар?!.

А л а ф ҳ ә а ҩ ц ә а Р а б ж ь г а ҩ. Ҳаззегь ҳаузыӡыр­ҩуеит!
Ҳ а р а з ы и А с ҭ а ԥ а н. Абра иаҳшәырбаз, иаҳшәыр­
ҳаз аицәажәахәтәа – ԥсыуала убасоуп иахьӡу – Ччаџьџьааи, Ҳаџь-џьџьааи, (Иҩаҳаракны.) абгалаџааи ҳәа, ус
хыс иамами?!.
А л а ф ҳ ә а ҩ ц ә а Р а б ж ь г а ҩ (дазԥышәырччан). Абзиа уҳәеит, аха цқьа иузақәмыршәеит...
Ҳ а р а з ы и А с ҭ а ԥ а н. Иануҳәоз цқьа исмаҳаит – нас
Чча-џьџьааи, Ҳаџь-џьџьааи, (Дааҭгылашәа.) ҳам­па­­ла­џьааи
аума?.. (Дааҭгылан.) Урҭ зҿыз рцәыҳам­палым­хаӡеи?!.
А л а ф ҳ ә а ҩ ц ә а Р а б ж ь г а ҩ. (даазԥышәырччан). Ччаџьџьаи, Ҳаџь-џьџьааи, хабгалаџьааи ауп... (Дааҭ­гылан.)
Ахы узазҵааи?!
Ҳ а р а з ы и А с ҭ а ԥ а н. Ус акәзар, Нарықь дзыхҟьеи?
Ихьӡ ркьаҿны ахаҿы изалашәымҵеи, дзашәмырбеи?
А л а ф ҳ ә а ҩ ц ә а Р а б ж ь г а ҩ. Ахаҟны дарбам, аха
агәаҟны дыҟоуп, дарбоуп. (Дааҭгылоит.) Зегьы ахы иазкуам, ираӡом, сара схаҭа сыхьӡгьы убас иркьаҿны ахаҿы
иалаӡам. (Иаазырццакны.) Зегь ус ҟаҳҵар идуцәахоит, еи­
мак­тәхоит, егьиуеит... (Дааҭгылоит) Убас ахаҟны ҳзы­
ҟамзеи зҳәақәо иҵегь ыҟоуп, узыҟамзеи ҳәа изырбыжкуагь ҳалоуп, рызегь абри хәыҷык иазхәыцааит, ахы еимарымклааит!.. Ҳарҭ зегь Чча-џьџьаа ҳауп!..
Ҳ а р а з ы и А с ҭ а ԥ а н. Сақәшаҳаҭуп, суқәшаҳаҭуп!!
(Дааҭгылан.) Ахаҿы сзыҟамзеи ҳәа ус ахы еимаҳкуа егьиуа ҳалагар, гәыда ҳаанхоит, анҭ зыҟаҵашьа ҟашәҵоз кабылгьараагьы ирҭаху уиоуп. (Дааҭгылан, дазԥышәырччан.)
Сара сазыхәмарны суазҵааит ауп, абри зегьы ираҳарцаз,
мамзар ишәцәыбжьахон... (Дааҭгылан.) Иаҭаххар, еиҭас­
ҳәоит. (Иҩҳаракны.) Ахы еимакны, ираҳауазар, бӷаԥ­ҵәала
имеиқәԥалааит! Иахьакәым ҳкылнагоит!.. (Дна­тәоит.)
А ла фҳәа ҩц ә а Рабж ьг аҩ (дԥышәырччан, азал ахь
инапы назынарххан). Ари Ҳаразы Асҭаԥан иоуп. Асԥаҭан
ҳәа усгьы рҳәоит. Жәытәан ари ижәла Ҳараз, Ҳаразы ҳәа
абасгьы ыҟан, ашьхаарҭ ашьха шьаҟьасҭа ҳәа ицәажәоит,
Ҳаразнагьы уиоуп иаҳәо. Асҭаԥантәи дааит... Асԥаҭантә.

Жәытә ԥсуа-ашәыла иуҳәозар, Асԥада, Асԥад. Устәи Џьыр­
хәа дцаны убрантәи даҳзааит. (Дааҭгылоит. Нас.) Ус ами,
Асҭаԥан?! (Дааҭгылоит.) Иахьала уаҳа кыр уаз­ҵаауама.
Ҳ а р а з ы и А с ҭ а ԥ а н (дҩагылан). Усоуп. (Дааҭгылан.)
Иахьала уаҳа – мап. (Дааҭгылан.) Убри акәын ишәҳәаз
иацсҵарц исҭахыз. (Дааҭгылан.) Анцәа уиныҳәааит, ажәа
суҭеит, аԥшаҳәа-ҿықә Абаажә Ахәахьы уԥшны мап умкит!.. (Дааҭгылан.) Уахь инаԥшны ажәа анрырымҭогьы
ыҟами... (Дааҭгылоит.)
А л а ф ҳ ә а ҩ ц ә а Р а б ж ь г а ҩ. Иамеигӡои, зегьы иҳа­
ӡоума?!.
Ҳ а р а з ы и А с ҭ а ԥ а н. Уи – уиоуп, аха сара сызуаз­
ҵааз, исҳәаз раҳауазар ҳәоуп... (Дааҭгылан, ирдуны.) Аӡәыр
иаҳазар... (Днатәоит.)
Ал а ф ҳ ә а ҩ ц ә а Р а б ж ь г а ҩ (ирдуны). Ираҳартә Ан­
цәа иҟаиҵааит!..
Алафҳәаҩцәа «Анцәа иҳәааит!, Анцәа иҳәааит!»... ааилдыргоит,
нас рызегь рнапқәа ирҩахан, бзиала ҳәа аанарго, азал ахь иҟьаны
идырбо, шьҭахьла-шьҭахьла ицоит.

Аԥарда
2001–2005

АЖӘ Е И Н РА А Л А ҚӘА

АНЦӘА УАХЬ!
АХӘЫҶЫ ИРНЫҲӘАРА *
Ахәыҷы данныҳәо Анцәа дӡырҩуеит.

Ажәала

Сыҩшьамхыкгьы уаԥхьа иарсын,
Суҳәоит, зегь ҳазшаз,
Ҳажәла умырӡын, ҳахьӡ умырӡын,
Ҳаԥсшәа еиқәырхаз!
Зегь ҳаизхәыцуа, зегь ҳаидгылан,
Ҳамаршә еибакуа,
Аиҵашьыцра бааԥс ҳацәыхьчан,
Аԥсахҩы дмиуа,
Ҳҵасқәа мыӡуа, ҳтәыла ҳтәылан,
Ҳашьцәа ҳазхынҳәуа,
Ацәгьа-мыцәгьа наҟ иҳавган,
Ҳанасыԥ иакуа,
Дгьыли Жәҩани рылԥха ҳаҭан,
Ҳаеҵәахә жжаӡа,
Хәыҷла-дула, ҳаиваргылан,
Уақәныҳә Аԥсынра!* Ажәытәан ахәыҷқәа дырныҳәон, адоуҳахәқәагьы ирықәыр­
гылан ирҳәо иақәшәоит ҳәа.

АШАМҬАЗ
Шьҭа сышхәыцуаз: иазсырхонда,
Кыр сымтәакәа, ишалашт...
– Уа шьыжьбзиа, сыҩноуҵанда,
Са суҭоуп! – ҳәа ашә аӡә даст.
Ашә анаасырт, усырԥшцәама
Ҳәа, жәеинраалак ааҩнашылт!
– Бзиа збаша, баша стәама?! –
Сҳәан, сахаҵгылан сҩагылт.
– Ас сагьзагха, аҷыҷыга
Скылсуа сдәықәлан, ус сааӡоит.
Шьҭа умԥшыкәа саҭ усыга,
Хаҽран снықәҵа, цқьа субоит, –
Баша уштәамыз усырбоит!
ААӠАРЕИ ААӠАШЬЕИ
(Ажәлар рҳәамҭа иаҿырԥшны)
Зԥа дзааӡазгьы ддәылмыжьӡакәа,
Иҩын акәаскьа дыҩнакны,
Илих ами: низҳагьы,
Уи еиҭаҳәо, ҟәыҵ даҟәымҵкәа,
Дас еицеикуан рышә абжьы.
Зԥа дзааӡазгьы даваргылан,
Иҩн ашә-хышәқәа зегь аркны,
Илих ами: низҳагьы,
Ааҵрахь днеин давагылан,
Дасуа шақәа есқьаангьы.

Зԥа дзааӡазгьы шәы ҿаӡамкәа,
Зԥацха гылаз уа инааны,
Ииҳәоз ами сцеит џьанаҭ ҳәа,
Доут ашәыс ҳәа са сыҩны, –
Уи сизхәыцуеит уажә саргьы.
ҴЫСХАХА АШӘА
Ааԥынра анааилак, иԥшӡоуп ҳамӡырха,
Иқәгылоу раԥхьагь ишәҭуеит атама.
Уаҟа, иаазбазар, уа иамоуп аҵыс,
Ҵысхаха ахьӡысҵеит, ишәаҳәоу ус:
– Ҵысхаха, Ҵысхаха, Ҵысхаха, Ҵыс...
Ирласны исзымҳәозаргь, шәа шәысзыԥшыз:
Ааԥынра, ааԥынра, ааԥынра мааи,
Шәынхароуп, шәеихароуп, ааит, аҳаҳаи!
Амахә хәыҷ сықәтәами са смыццакуа,
Амахә хәыҷ сықәтәами шәҭыш атама!
Сишь, ихьшьыцбамзааит, сылаԥш зықәшәаз,
Иқәтәоу иҟәазӡа, ҳа ҳаца-ша иҩаз?!.
Уигь сацәшәаӡом, сацәшәаӡомеи акгьы,
Ашҭаҿ, избанзар, дынхоит Ауаҩы! –
– Ҵысхаха, ҵыскәымпыл, ҵыскәымҷыҷ, ҵыс.
Ҳатамаш усҭеит, иаҿалогь утәыз!
Уашәабыжь ықәрыҩла, сусқәа сырҿыз!
АԤСАБАРА УАХЬ
Ихыжьны исыжәҵа амшын сагарцы –
Ус акәзааит,

Ма амца ацраршәны иаркы сбылрацы –
Ус акәзааит,
Ихбгааит бахәыкгьы убра сагарацы –
Ус акәзааит...
Аха, Аԥсабара, сызуҳәо схазы –
Ас акәхааит:
Исыҭа зегьы-зегьы зычҳаша агәы,
Ҽнак акәзааит,
Исҳәарцаз убарҭ зегь шысхызгаз атәы –
Нас сыԥсааит!
АГӘҼАНҴАРА
Сҩызцәа рыгәҭа са саарылхын,
Схых, дубеиа схы ансурба –
Иажәеинраалоу нас уа уакәым,
Уаасыцрыҵын наҟ уца!
АУАҨЫЗАҴӘ ИМҨАЛА
...Ауаҩызаҵә Имҩа ҳәа ыҟоуп, уи ахьаҿгоу
адыд адыруеит... Ҩыџьа зеивысуам
А ж әл а р р а ж ә а бж ь қ ә а р ҟ ы нтә

Адыд хысын аҵла игылаз амца акит,
Абахә ӡыӡан уаҟа иҭрысын сымҩа акит,
Хаҳәк уа иалҟьеит, бгак уа ибӷалеит, ҵлак аҿҟьеит,
Хаҳәк уа ишааиуаз, саԥхьа ишьҭасын амца аҿҟьеит,
Цас иауашәа, аԥсҭҳәа хчылеит, аа, абар,
Митә ҟалозма, лԥхак насыҭан сымҩа абар?

Снашьацәхныслан иаҭахума са сҭахар,
Мамкәа ҳәеиак наҟ сынҭалан уахь сҭахар?
Цас иауашәа кырцхгьы леит сызгара,
Цас иауашәа, рҩашкгьы хыҵит сызгара...
Урҭ сыҽрысҭом: уа срымгакәа са сынхарц,
Дәык ахь схалан, қәацәк наргылан нас сынхарц,
Снеиуеит, снеиуеит... Сымҩа шәарҭан ус ицоит –
Иалшәа-алшәшәан, бӷац еишьҭалан, зымҩа ицоит,
Арс иҭшәарроуп, анс иҿҟьарроуп, абахә бгоуп,
Ма даҿҟьап ҳәа, ԥсҭала исыҵа иҩеиуа бгоуп...
Ус ишәарҭаз, ус иҿҟьарҭаз сымҩа уа,
Снеилап, снеилап, саԥхьа гәаҭо, ҟәышра уа.
Аамҭа еикәшо, мап, са суццом сахьаго!
Сымҩа шшәарҭоугь – уи издыруеит сахьаго!
АН ЛҲАҚ
ЗАН ЛҲАҚ ЗШӘАЗ
Атыш дҭаҳан – деиқәшәеит –
Ахьы шамаз ибеит,
Данҭыҵуазгьы игеит.
Аԥсҭа дҭалан – изшеит,
Кыӡӷы дкыдлан – иккеит,
Ахыхь дхалан – иԥхеит,
Дагьықәгылан дкәашеит –
Ҳазшаз ус иҟаиҵеит.

ЗАН ЛҲАҚ ЗЫМШӘАЗ
Атыш дҭаҳан – данҟьеит,
Уа бырсакгьы имбеит.
Аԥсҭа дҭалан – ихәлеит,
Кыӡӷы дкыдлан – ишәшәеит,
Ахыхь дхалан – ибгеит,
Дахькаҳазгьы дԥыҵәҵәеит,
Сыԥсит, нан, ҳәагь дыҳәҳәеит –
Ҳазшаз ус иҟаиҵеит.
ИЦЦАКЦӘАЗ
Шәарыцаҩк дышнеиуаз дааҭгылеит аԥсык –
Атыша иҭыҩуан убра ҵәыуабжьык.
Ахықәантә дҭаԥшызар, уа дҭыхоит хәыҷык –
Дааныжьны дызцозма нас ас еиԥш уаҩԥсык?
Иаарццак дынҭалан, дынкылсит ҵаҟа,
Аҭыҵрагь ауазшәа ахы нинарба –
Иҵәыуоз дабаҟоу – дцеит дынкаба –
Атыша дызҭымҵуа днатәеит ихаҭа.
АЏЬНЫШ
Дҭыҵын аџьына уи дрылоуп ауаа –
Абаак, шәеинҟьоит, шәыкәша шәаԥшла!
АБЗАГАГА
I
Дыҩын – иҩуан, дыԥан – ицон,
Дкаҳан – имбаӡеит.

Уи дангылаз икәшо игылон –
Шьҭа уажә аҽазеит.
II
Амра изгылар – иватәоуп,
Аԥсҭҳәа изхылар – иваӡоуп.
АШЬЫЖЬ
Ашьыжь аныҳәаҩ дгәарлоит,
ахәылԥаз – ашәиҩы.
Ж әл а р рҳ ә а м ҭ а

Аҩнашҭаҿ алахьчақәа хәмарны иҵыҵит,
Аҩнашьҭахь акәтыҭра каркарны ишәаҳәит,
Иахьтәаз иҩагылан аҳәар ирзыԥшуп
Оурыхәи, нас Ҷашьеи, нас Џьареи, еихшуп...
Ԥшьаала инықәтәеит хьажьык уа амжәа,
Еихыршан иахьақәыз убра аӡахәа,
Иҿыҟәшәаан иагьафарц иаҿаз ажьымжәа...
Аҽаларӡ аҽаҵәахт, избанзар иара –
Аԥшәымак дҩагылар, нын-нын, ҳаӷеиҭа,
Хьажьы-цәгьа иадыруеит «хәаа-заа» ахаҭа,
Амхагәҭа, ишафоз, иаӡывҟьеит ах-ца...
Аҵыс хәыҷ ахьықәтәаз: «Ҵәи-ит шьыжь, ҵәи-ит!
Аҵәитрагьы шәарҭоуп, аха сыбзаҳәит,
Еимҿаԥоуп сахьықәтәоу, исфоит алаҳа,
Саалаԥшны иреиӷьу, исфеит сызхара,
Аԥшәымак сибаанӡа, шьҭа – уцала!»
Шьха реибарк ӷьазӷьазит амшынгьы казказт,
Лашьцара газҽазын, икаҳан ибжьаӡт,
Ерцахә ду инықәырс шәахәак анапы
Амшын ҭынч аашьашьт, ихшьыло агәы.
Ҵхыбжьонӡагьы ишьҭамлаз, зус иаԥсаха
Шықәсыктәи ҭагалара иалгаз иаха,

Угыл нас, уеиҵамхан, угыл Анхаҩы,
Узԥылоз ашара узыуԥшуп адәахьы!
Закәытә шьыжь хазыноузеи ицәырҵыз иахьа,
Ҳазшаз, зных ҳаугәамԥхаргь, абас иршала!
ҨАРҨАР ДШЫЏАРЏАРЫЗ
(Алаф)
I
Иеиҳаб ҟармыгә дҟәарҟәаруа,
Имаҵ шиуаз дкәаркәаруа,
Ӡнума-ԥхнума дҳәарҳәаруа,
Хәы дшизаҵаз дхәархәаруа,
Дҩахан дҩеиган дҩарҩаруа –
Ҭыԥ ԥхак ииҭеит дџарџаруа.
II
Дымкәаркәарит, дымхәархәарит,
Дымгәаргәарит, дымҳарҳарит.
Ԥшьаала днеин уи дхьархьарит –
Ҭыԥгьы ааихәеит, дагьџарџарит.
III
Дагькәаркәарит, дагьгәаргәарит,
Дагьурурит, дагьҳарҳарит.
Шьарда еизыҳәҳәан, уи дхьархьарит.
Ҭыԥ дук ааихәеит, дагьџарџарит.
Хыхь данхала-нас дбарбарит.
IV
Дагьгәаргәарит, дагьӷьарӷьарит,
Аӡә дыхиршәҭын, дагьџарџарит.
Зҭыԥ игаз из дагьмақарит.

АМАРИАЛ
Мариалқәак ус иҟоуп, ирымоуп аҵас –
Ирфоит урҭ идриуа, убраҟа ишрыхшаз.
Акы-ҩба, ирзымккәа, наҟ рызқәахь ихәноит,
Уа иқәлан ишықәтәоу нас ԥыҭк иӷәӷәахо
Мышкала иагьылбаан маӡалагь ицоит.
Ижәбома исхылҵыз сԥацәа шыӷәӷәаха,
Иаразнак мышкала абас ишрызҳа,
Убас иааӡарҭоуп са сыбӷа ахаҭа!.. –
Иаҿымзи мариал дук абас аҳәара,
Аҟәаҟәахь иацәықәлан ианеиқәха аԥацәак
Иазымфаӡакәа нас наҟ ианацәца.
ЛАҴАРАМЗАН
Ахьҭа ықәҵит, шәҭышхеит аца,
Ажәла ҭигеит Ҭаҳ ица.
Иԥшәма лыхш иналҭан аца,
Рызегь ҭыҵт, ура ҳәа ица.
Ажәла ҟьоугьы уа иаҿамлеи,
Ҟәаԥа-ҿаԥароуп изну.
Ргәарԥ абаҳчагь цәгьа иаҿамлеи,
Амза бзиахар изну.
Кыр уааԥсама, рарԥыс Гәада?
Ҷын уҩахан ус иумкын!
Ацәқәа рхала иахоит, гәада,
«Хыҵаркьакьа» усс иумкын.
Шьҭа ихдыркәшеит, шьҭа иҭыҵит,
Ҵыхәарқьақьа рла рзыԥшуп. –

Ҽаҩра беиа ҵыԥх иҭыҵит,
Уажә сынтәа – еиҳа рзыԥшуп!
БЗИАЛА, БЗИАЛА!
(Абжьаратә школ иалгаз ихәыцрақәа)

Иахьакоуп ҳабжьы ҳәа ныҩныҩуа,
Разҟыла иахьџьџьеиуаз ҳәа ҳхәыҷра.
Анык леиԥш ашколгьы аанзыжьуа
Бырцкал ахь иҳасуеит уажә аԥша.
Мҩахәасҭақәан ҳаԥхьаҟаз иалҳхыз
Ҳнарнылашт хазы-хаз ҳаҽшауа.
Аҵеира, аҵеира – уи ахьыӡ
Иаҳзыркуа ҳҟаломашь зын ҳара?
Абзиала, ашҭа еиҩыцәа,
Ашкол, ҳарҵаҩцәа зегь, кыр ҳзырҵаз!
Абзиала, сгәакьа аҩызцәа,
Ишәԥеиԥшу иреиӷьӡоу разыҟқәаз!
Иабаҟоу иаҳзоужьыз аамҭасгьы
Аџьџьаҳәа, пыҟҟаҳәа ҳаҩнаны! –
Ицеит уи, иаҳԥеиԥшны, еиҭасны,
Аԥсҭазаарахь амҩа ҳарбаны.
Абзиала, раԥхьа иацразҵаз
Имыцәаӡо амца са сгәахы,
Ираԥхьаӡан сыбла зыдхалаз,
Иҭаҵәахыз жәашықәса сгәаҿы!
Иагьызӡеит, ҳәашьак ҳәа сымбогьы,
Уи амца, мҳәа-мырза быззыԥшыз –
Иерӷь-мцан иҷыҩтәхеит иахьакыз –

Нарцәыҟа мышкы-зны санцогьы
Ишеиқәу са сгәаҵаҿ иҵәахыз!
Мҩахәасҭақәан ҳаԥхьаҟаз иалҳхыз
Ҳнарнылап хазы-хаз нас уажәшьҭа.
Аҵеира, аҵеира – уи ахьыӡ
Иаҳзыркуа ҳҟаломашь зын ҳара? –
Анцәа, ҳамҩахумҟьан, ҳамҩақәҵа!
АЛАМЫС ЗЫНИАЗ
Адыд асын ашьҭа нхалеит,
Ала рҷыҩит хаҳә ибгаз, –
Ҩысҭаак дцәырҵын днеины дҭалеит,
Акәзар акәхап изыхҟьаз.
НАС АЗЫН
Сзыҟоузеи уҳәартә ух-угәы ахшәаны уаныҟалоу аамҭаз,
угәы камыжькәа,
ушьҭахьҟа ухьаԥш – иушьҭалан иааиуа иуеицәан
иҟоугьы дубоит.
Р. Б. Шь.

Схәыцрақәа, схәыцрақәа, зных шәарҭ шәеивало,
Сыҟамшәа иҟоушәа збогьы сҟашәҵоит –
Дарбан уаҩызаалак, уи нас аамҭало,
Ус еиԥш анихьуа зынгьы иҟалалоит.
Иҟоугьы дыҟаз нас, дшыҟоу аамҭалоуп,
Дыҟанаҵ дыҟоуп, даныҟам дкабоит.

Сыҟамшәа сыҟазаргь, нас аз сҟалароуп,
Сышьҭахьҟа иааиуа исеицәоугьы дызбоит.
АԤСУАК ДҲАЦЛЕИТ!
Уаа абри арԥыс дмырӡуа,
Иабиԥара имырӡуа,
Уаа абри дышәҩыкхааит,
Уаа абри дызқыҩыкхааит,
Деиҳахааит –
Анцәа иҳәааит!
А ԥ с у а н ы ҳ ә а ԥ х ь ы ӡ.
Амза ҷҷеиит абла ҭшашан,
Аеҵә џьџьеиин илбааџьџьеит.
Ашьха иҭырцеит Аинҟьарашәа,
Ага ггеиин иаакәашеит.
Аҩн игылаз ашәқәа ркымкәа,
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Актәи атом - 25
  • Büleklär
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Актәи атом - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3514
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2310
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Актәи атом - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3570
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2348
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Актәи атом - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3537
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2167
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Актәи атом - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3570
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2425
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Актәи атом - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3581
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2351
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Актәи атом - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3467
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2265
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Актәи атом - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3458
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2227
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Актәи атом - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3603
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2417
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Актәи атом - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3680
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2380
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Актәи атом - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3633
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2283
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Актәи атом - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3667
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2424
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Актәи атом - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3669
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2384
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Актәи атом - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3616
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2515
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Актәи атом - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3655
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2355
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Актәи атом - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3674
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2359
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Актәи атом - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3741
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2306
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Актәи атом - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3786
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2433
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Актәи атом - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 4948
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1744
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Актәи атом - 19
    Süzlärneñ gomumi sanı 5218
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1647
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Актәи атом - 20
    Süzlärneñ gomumi sanı 4455
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1777
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Актәи атом - 21
    Süzlärneñ gomumi sanı 4447
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1888
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Актәи атом - 22
    Süzlärneñ gomumi sanı 4875
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1959
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Актәи атом - 23
    Süzlärneñ gomumi sanı 4193
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2153
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Актәи атом - 24
    Süzlärneñ gomumi sanı 4311
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2116
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Актәи атом - 25
    Süzlärneñ gomumi sanı 3254
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2426
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Актәи атом - 26
    Süzlärneñ gomumi sanı 3288
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2203
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Актәи атом - 27
    Süzlärneñ gomumi sanı 3277
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2267
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа - Заур Быҭәба. Актәи атом - 28
    Süzlärneñ gomumi sanı 2526
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1762