LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Иҩымҭақәа реизга - Гьаргь Гублиа. Аԥшьбатәи атом - 09
Süzlärneñ gomumi sanı 3311
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2359
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
– Уи аганахьала, акы далаҟоуп уҳәауа дубаӡом, уахьынаихәаԥшуа.
— Арахә адәахьала иӷроуп, ауаҩы ҩнуҵҟала рымҳәауеи...
Ареабилитациақәа анрырҭоз, ауаа ираҳаит, ирдыруеит. Аха
ҳаргьы макьана инагӡаны ҳзалацәажәом умбо, ибжамҽамшәа
ауп уи арыцҳара иҟалаз аӡбахә шаҳҳәауа, бжамҽамшәоуп
даргьы ҳшырзыҟоу, ҳрыцәшәозар акәхап...
Назыр уи аиаша ахьиҳәоз игәы иаахәан, ихаҿы аалашеит,
иаԥхьаҟагьы маҷка ҟарагьы днаскьеит, ԥыҭраамҭак аӡәгьы
ҿиҭуамызт.
— Ҳаргьы ԥрашәа ҳамамкәа ҳумандаз... Аха уиҵәҟьа
уаӷоу ибеит... Сызлаухәо акрыҟоума?
— Ҵыԥх изуасҳәаз азын акәын сзузааиз... — ахы
ааԥиртлеит Назыр иажәа.
— Иарбан изсоуҳәаз, уара?..
— Грышьеи сареи ҳаныҟаз, саҳәшьаԥа аҵара иаанархәараз
иуасҳәаз.
— Аа... Уи иарбан институту дызҭалоз?
— Аинститут ҳамҳәаӡазтеи... — ас ԥсышьа уаҩы ибахьоума
иҳәарашәа игәалаҟара бжьысны днеизыԥшит иара. —
Аиндустриалтә техникум азы акәын ҳзеицәажәаз, ааба
данрылга, џьара занааҭк имазар ҳҭахын...
Ателефон аашьҭихын џьара дасит: — Еи, кылҵәа... —
даалафит иара. — Аиндустриалтә техникум ахь шаҟаҩ
ҳашьҭуада заҳҳәаз? Аа, ҵыԥх узхысыз сынтәа уаҵс ҳәа, есаашар шьҭахьҟа ҳцоит, ыы? Ани ахы цәкәатамџьшәа иҟоу
сара сахь дасратәы иҟаҵеи, — атрубка лықәиҵеит, — х-ҭыԥк
ракәзаап сынтәа иҳарҭаз, уеизгьы ԥсыхәак ҟасҵап.
— Иауаны иҟазар, акы еиԥшымкәа суҳәоит...
— Џьыџьыка лԥагьы унидҵаалеи...
— Уи дарбану?
— Ароно аиҳабы, уи иакәын ожә сзацәажәоз.
— Уара ухьӡала иасҳәарыма?
— Сара сыхьӡала?. — ԥыҭраамҭак дҿаббаӡа дизыԥшуан.
— Аиеи нас, сыхьӡалагьы иаҳәа, аха иара ихашҭуам ҳәа ауп
ишыздыруа.
— Ҭабуп, суааӡахтеи... — инапы ааимхны данындәылҵуаз,
ԥҳәыск лгыгцәа ргыланы, схәыҷы алимит ивыжәган,
ишәсырбап сара ҳәа қаамеҭ ҟаҵо Расим Кьыҿ-иԥа иахь
дныҩналеит.
Назыр амҩан аиҳаб иҿы аицәажәара иҟаз дназхәыцит,
идырра, иазыҟаҵара шазымхоз шеиликаазгьы, иаҳаз
џьеишьон, еиҳаракгьы ихы изықәымкуаз жәлар рҟазара
иагәҭасны аестрадеи аџьази ирылацәажәоз иакәын, ма уи
закәу, иаҵанакуа идырхуандаз, ибзиеи ицәгьеи еиҟараны
акәын ани дызҭазгьы дшибауаз.
Иеиҳәаз иашаҵәҟьазар, жәытәгьы ҿатәгьы иԥырхагоу
ада ак ҟаимҵозар, дынкыланы дызрымоузеи? Абас азҵаара
гылон иаԥхьа, аха аҭак аҟаҵара ицәуадаҩын, уи еиԥш иҟоу
ауаҩы дынкыланы дызмоу амчқәа рҿынӡа ихы наӡомызт.
Аамҭа акыр инеихьан, ацҳа днықәсны, дара рышҟа игаз
амҩа данымлакәа, днымҩахыҵит лара лышҟа...
Адырҩаҽны дышиашаз афермахь дцеит. Ажәқәа хьаны
рҭыԥ иқәырҵахьан уа данҩеи. Аҳәарақәа аҭаҳараҿы ҭәак
нарымҵарԥсан, акәкәаҳәа иаамхо афара иаҿын, абора
аԥхьаҟа жәык қьуа, иӷзуа ииан. Назыр иаразнак уи илаԥш
иҵашәеит, дагьразҵааит, иахьзеи ҳәа. Рауф иеиҳәеит,
ажәқәа анҭырцоз, ишзымгылаз, ахы амҟьаны иштәаз, нас
арахь ишдәылыргаз, аҟашәа иадыргалазгьы иааҳәны
ишахәамԥшыз.
Шьыжьхьа рымфаӡацызт усгьы, агәаҷқәа абысҭа
аанырҵан, рхәы илахатәоны еиԥш аан, ианынаԥш, Қына
лабак кны, дыбӷьаауа аҳәсҭа дхыланы дааиуан.
«Даазцазеи, сукәыхшеит», — даахәыцит Назыр.
Али-ԥси рыбжьара ашә даалагылт.
— Уабадәықәу, аҩны ахьгылоу ухашҭма?.. Агьаур
манцызшәа иҟоу?..
Иан иблақәа налирбеит, иҩызцәа иахьраҳауа акгьы
лымҳәарц азы.
— Иҟалазеи, бзироу, мшәан?
— Ари ҳара ҳаимыхәаҵәҟьеит, ҵабыргны...
Иҿаҵа иаамихыз наҟ инықәиҵан, — сааиуеит уажәы, арҭ
ак рыхьт, ирыхьыз еилыскаап, — иҳәан, иан диманы рбора
шыҟаз днавалеит. Ллаба рҟыгәуа, ацәҳара-ашҳара даҿын
лара.
— Ахаҵа дхаҵоуп. Џьара днеиуеит, џьара дааиуеит,
изакәызеи, са схәыҷума?..
— Уабаҟаз иаха? — иааидлырӷәӷәалеит лара.
Назыр ахаан амц имҳәацызт, аха иан маҷк лгәы ир
ҟәымшәышәырц азы, анс-арс ҳәа акы дналаган, аха лара
уахьыҟаз здыруеит, узбаз исарҳәеит ҳәа хаҳәарҵәи даниҿагыла,
иара иг-иҿы иамҳәо, дҿыббаӡа длыхәаԥшуан.
— Уҭаацәа рыла ҭраа аҩны иртәаны... Иԥхашьара
ми иара? Лара ахкыдҟьа днызкыло уаҩы длымаӡами? Схы
исзықәымкуа, сжьа-сҟаҭәа сахьноугаз ауп. Слыдышшылон...
Ыы, ларгьы уаргьы... Аԥсыхәабаа ургандаз, аха уабаҟоу...
— Иазхоуп ожәшьҭа. Абра бааны ацҭәы сылбымхыр амуа
рыцҳарас иҟалазеи, иабахәа... Бца аҩныҟа, акы еиԥшымкәа
сбыҳәоит, — лыгәшәымшәа аҳәара даҿын Назыр. — Ауаа
гыланы иҳахәаԥшуеит, ԥхашьарами...
— Иԥхашьароу удыруазар уаҟәыҵыр иауеи? Асысмҟаа
дуқәшәеит акәымзар, аҽаӡәызар иузаалцоз убарын...
— Анцәа даахәан сбыҳәоит бшаҟәыҵра...
— Саҟәыҵӡом... — дааиҿагьежьын лызнапык ала лӡара
ҭарсшәа иаанылкылт, — Ҳдамыӷаха ауаа ҳрылауҵарц уаҿуп.
Аха изураны сыҟаӡам...
Иан дшыцәҳашҳауаз амҩа днықәҵаны, иҩызцәа рахь
даахынҳәит,
XX
Август алагамҭазы аҿар рзы еснагь ихынҭаҩынҭароуп.
Аиндустриалтә техникум ашҭа аҿар иааҭдырҭәааит. Уи
иамкыз, аулицаҿы игылан аквартал зегь рымҽхакны, Назыр
иаҳәшьаԥа диманы дахьнеиз, агатәи ароно аинспектор
Варлам дааиқәшәеит. Урҭ иреиҳәеит изыргәырӷьашаз
ажәабжь. Актәи аекзамен аҿы ахатәы бызшәа азы иоузаап
ахәшьара ԥшьба. Аҷкәын игәы зыҳәоз аелектротехникатә
факультет дахьақәымшәоз даара ихьааргеит, убри аҿы
сынтәа иҟаз ақырҭуа сектор акәын, уа аҵара изҵомызт.
Ашьҭахь аргыларатә факультет ахь деихеит, уаҟа аҵара
урысшәала ишьақәгылан, иаԥшьын иара убас аԥсшәагьы.
Ахатәы
бызшәазы
аграмматикеи
асахьаркыратә
литературеи иахысуан...
Иахьа ирыман аҳасабра. Абитуриентцәа рынашьҭра
иалагахьан, аекзамен аҿы иқәгылаз, шамахамзар, зегь
ҷкәынцәан, иналаршә-ааларшәны иуԥылон аӡӷабцәагьы, 1516 шықәса зхыҵуаз ракәын дара.
— Иааҳашьҭыз руаӡәк ҩба иоуит, —иҳәеит Варлам. —
Иаастә хылԥа ԥраал аҩада дҩахан, ичабра илахь инықәи
шьын, иқәшыз аԥхӡы ааирбеит. — Егьи хԥа ҳәа иҭиит. Аха
аҳасабраҿы дыӷәӷәоуп, рҳәеит. Иусқәа маншәалахап ҳәа
сгәы иаанагоит.
Аӡә ашә даалагылеит, ихахәы џьыԥхьӡа, илакыҵақәа
ҭаҳаны, кьаадқәакгьы еидкыланы икын.
Зныкыршәа
инарылеиҳәеит:
«Абыжьбатәи
агәыԥ
еиднакыло абитурентцәа аматематика азы аԥышәара змоу,
шәзачоткакәа аацәырганы, аӡәи-аӡәи шәеишьҭагыланы
шәҿаашәха»... – Иаразнак иааилаҩҩит абитуриентцәа.
— Уҽырҟәыбҷаны уҟаз амарџьа. Азҵаарақәа иуқәшәо цқьа
урызхәыц, умццакын... — диабжьон Назыр иаҳәшьаԥа.
— Издыруа здыруеит, сқьаадқәагьы цәыҵагәаны
сахьрынԥшыло акгьы ыҟам, — иикыз ишәҟәқәеи ианҵам
ҭақәеи наҟ инаирхынҳәын, иҩызцәа дрылагыла ашәахь
иҿынеихеит.
Уаанӡатәи аекзаменқәа рзы дасу ахәшьарақәа ироуз
рсиагьы лассы аҭӡаҿы инкыдырҵеит. Абитуриентцәа уа
инадибаҳәалеит, шьоукы гәырӷьауа иахәамԥшыц џьышьа
еиҭахәаԥшуан, даҽаџьоукых иҟуҵәыуо рнапқәа рыблақәа
иҭшьуа инадҵуан... Зынӡа агәхьаа мкыкәа знапы ҟьаны
ицозгьы убарын. Зегь реиҳа зҽырцәгьаны иҟаз анацәеи
абацәеи ракәын, оума рҿыҵҳәацәо «аақ-аақ» ҳәа
убра игылан. Ҷкәынак имахцә данкны ԥҳәыск дрылҟьа
дааиуан, лылахь еимарццы, лхы аԥыр-ԥырҳәа иҟьауа. —
Иахәҭаҵәҟьаны иасҳәеит, сҿы сакәыхшахааит, агаҭҳәыршәа
иҟоу. Шәеиҭахәаԥш, сҳәеит, аха изаҳауа дабаҟоу? Иблақәа
ҭазза, абат еиԥш дсыхәаԥшуан, данкҿасцала, «шыждыруам»
иҳәахт, иузымдыруазар ара узтәоузеи ҳәа иасҳәеит, сҿы
сакәыхшандаз, ыҟ...
—
Дызусҭада уи бзацәҳаз? — длацәҟәышьацәҟәуа
даацәажәеит ашьҭахь игыланы иааиуаз ахаҵа.
— Адиректор, уаҳа дызусҭадах...
— Аа, ҳа-ҳа-ҳа... — икьатеих ԥҵәо дааччеит. — Са изымбози,
уара, авахтиор иоуп дзацәҳауаз...
— Афы уҿасааит, иудырра ҳәа.
Урҭ анца, иааҭынчрахеит. Ачарч даршәызшәа даадәылҟьеит
абыкгьы, дқәықәма-шәықәмаха, иқәшәацәгьаны ауаа
даарыдгылт, днаԥшы-ааԥшын, ихы днақәцәажәеит:
— Изымдыруеи сара ишрыдыркылақәо. Араҟа ӷәӷәакы
думазароуп, мамзаргьы...
Убри аамҭазы «иуҳәауа закәи» иҳәарашәа днеизԥшит
Варлам.
— Уара узсыхәаԥшуазеи?
— Изакәызеи, ацә зхәаԥшыз иблақәа ҭнахуан ҳәа,
иуцәажәашьоу?
Аха зегь акоуп ус ауп ишыҟоу, уара ихоумҵан уҭахызар, —
ихылԥа ибла инҭажьны ахыбра днавалеит.
Варлами Назыри атротуар ала, ашәшьыра иҵашьшьы
аулица ахаҿынӡа ицеит, уаҟа акәакьҭаҿыҵәҟьа иҟаз
атәарҭақәа руак аҿы итәаны акраамҭа еицәажәон, ихынҳәны
ианлеиуаз, атехникум аҿаԥхьа, амҩа нымҩахыҵ абутка
игылаз инадгыланы ӡык ржәит, чарҳәқәакгьы инарыцҳаит.
Сааҭбжакгьы мҵыцкәа, Нарсоу амардуан дналбаан, дара
рахь иҿааихеит.
— Заа ддәылҵит, џьара оумак имыхьзааит... —
дааӷәьаҵәыӷьаҵәт Назыр.
— Иакәым ак ихьит уҳәартә дызбаӡом, игәалаҟара бзиоу
џьысшьоит, — иҳәеит Варлам.
— Иҟои, уара? — дҵааит ианшьа.
— Ԥшьба соуит...
— Ааи, уххь згааит Қамсҳәыџь… — дааизгәдуит иаҳәшьаԥа.
— Ампыл лышьҭԥаа иугахтеи, — дааигәырӷьеит
Варламгьы,— иҟаз ҳаҳәишь.
— Абилеҭ аашьҭысхын снатәеит, снахәаԥшызар, издыруан
ианыз... Раԥхьатәи аҩ-зҵаарак алгебра иаҵанакуан, егьи —
афизика. Сҭакгьы игәаԥхазшәа збеит арҵаҩы.
— Уи даара ибзиоуп, — даацәажәеит Варлам, — уҩыза
иҟаиҵаз удыруазар?
— Симазҵааит, аха идыруан сгәахәуеит. Ақьаад имҵаҵан
ак аҩра даҿын.
— Сицәшәаӡом, аха иҟало иалудрааи, латареиоуп, умбо,
аекзамен.
Атыртырҳәа идәылибаҳәа иааиуан аԥышәарақәа зҭиуаз
аҷкәынцәеи аӡӷабцәеи, шьоукгьы еиваҟҟы ашә илагылан,
урҭ уахь инеиуаз ракәын. Ианааизыҵәалак, идәылҵуаз урҭ
рыгәҭа еиҩҿа амҩа инангылон. Аҵыхәтәаншәа даадәылҵит
иззыԥшыз аҷкәынгьы.
— Хәба ҳәа исҳәеит сгәаныла, аха ԥшьба роуп
исзықәдыргылаз... — иҳәеит иара ахәшьара иоуз азы имаз
агәынамӡара ихаҿы ианубаало.
— Ҳаит, аллаҳ цәгьара рықәиҵааит, уара, — даацәажәеит
Варлам. – Аӡәы иҭыԥ армазеира иаҿызар акәхап. Аха
акгьы аурым... Аҵыхәтәантәи ибзианы уҽазыҟоуҵар ауп.
— Иҳацәшәмырӡын, абааԥсы, убарҭ аҭыԥқәа. Ашәҟәқәа
ԥшаатәуп, арҵаҩгьы даабароуп. Убрыгь мҩакы ҳнықәиҵап..
— Ҳдәықәшәҵа, — иҳәеит Назыр исааҭ днахәаԥшын.
«Шәаала-саала», рҳәан, аӷдымдыҳәа еицәажәо абитуриент
цәа инрылҵын, аҵла рышәшьыра иҵашьшьы, амҩа ацәхыԥ
иқәланы рҿынархеит.
— Ииҳәаз ҟаиҵеит ҳәа сыҟоуп... —иҳәеит Назыр, Варлам
иҽааиаҟаратәуа.
— Дарбан, уара, узҿу?
— Расим Кьыҿ-иԥа…
— Иҟаимҵар дабацо. Ҵыԥх иҳарҭаз аҭыԥқәа ыӡит,
сынтәагьы иӡыр шԥаҟалои?..
— Ателефон дасу, мамзаргьы...
— Уи сара исыздырам, сеиҳабы снаганы исеиҳәеит
уаҳәшьаԥа асиаҿы дасырбарц.
— Еилкаауп...
Амҩа ааиҩҵәаны,
автостанциахь ицоз амашьына
инақәтәеит...
***
Аӡтәы нхамҩеи амелиорациеи Агатәи рыҟәша аҿынтә иааз
абульдозерқәа ҩба, аферма ахахьы аӡиас Жәӡара инҭарсны,
ажра ҭӷәыхаа аҩагара иаҿын. Аӡымҩангага атрубақәагьы
раагара иалагахьан, амашьына ахьынӡазнеиуаз инаганы
икарыжьуан, убрахьынтә аргылара иазкыз аколнхацәа
џьалла, уардынла ҿыц иалырдаз ажра иахьыгӡаны
ишьҭарҵон. Апроект акантораҿы дахәаԥшхьан Назыргьы,
уи идыруан шаҟа километр атрубақәа хәыҵаҵаны игатәыз,
иахьыхәныгатәыз, афымцатә ӡыҭгага аҭыԥ ахьаанахәоз,
уантәи аферма аҿынӡа лыбаагашьас иамаз, аҭыԥаҿы
ианнеилак аҽшашоз. Уи асхема ҟаҵан аамҭала арахә
ҭаргыланы рхәы рыҭарахь ииасны иҟалозар, рахәыцыԥхьаӡа
аӡы азнагашьа аҳасаб гәаҭаны. Убри инаваргыланы,
афермазы ахыбра ҿыц апроектгьы аҟаҵара нап аркын.
Аисполкомаҿы излеилыркааз ала, уи Гипропроектстроиаа
рнапы ианҵан. Мышрақә-ҵыхрақә, ожәшьҭа анагӡара акәын
иаҭахыз...
Ари ичмазаҩхаз ажә ԥсҭазаара ҳәа акгьы амаӡамызт,
есааира аҵыкәкәара иаҿын, иахьа цәҵыскгьы уа инацлеит.
Ашьыжь арахә анҭырцоз, иблаҟьа-бласуашәа анырба
иаадырхынҳәит. Алахь ааҷашьаны, ашьапқәа хьышьашӡа,
аҩызцәа иаарылукаартә иҟан иара. Иагьарааны иубаргьы,
алақәа ҟәбарӡа ахы шьҭацаланы иакын.
Арахә рҳақьым адырра ирҭеижьҭеи хымш ҵуан, аха ихабар
ҳәа ыҟамызт, ианамуӡа, аконтораҿ ирҳәеит. Қәыџьмахан
душьҭоуп, афермаҿы урҭахуп ҳәа аӡәы дизырышьҭын, абар,
уажәы-ушьҭан даарц изԥшын.
Ҷкәынак агәашә аԥхьа дылҽыжәҵын, иҽы аӷәра аҵәҩан
инахаршәны иара иахь иҿааихеит: аукы, аԥшькы, имахәарқәа
ҵыркәакәаны.
— Мшыбзиа! — иҳәеит амӡырха данаақәгыла.
— Бзиала уаабеит, — дҩеиԥылеит Занбеи, инапгьы
ааимихит.
— Уара, хырҵәӡҩак шәымазар? Аусуцәа саарышьҭит.
— Аиран еиҳагьы еиӷьын. — дааԥышәырччеит Занбеи.
— Аиранс шәара ишәымоу акгьы ыҟам, аха ахарҵәӡҩа
шәоуп, џьуҭшь, — илаф ацыфа неиҭеит иааиз аҷкәын.
Занбеи аҩныҵҟа дныҩналан, ахарҵәы ӡҩаны аирыӡ
инҭеиҭәан, инаганы инаииркит.
— Иҭабуп, — иҳәан, ахҵысҭа дынхыҵын, иҽы ахьыҟаз
днеин днақәтәеит, иаарҳәны алада иҿылеихеит.
— Аирыӡ ухамшҭааит, амарџьа, — ибжьы неихьигӡеит уи
За¬нбеи.
— Ахәылԥаз санааиуа иаансыжьуеит, – инаиаҭеикит егьи
иар¬ма напала иҽы аӷәра дахо.
Убри аамҭазы Назыр агәашә дааҭалеит, уи иҽы аӷәра кны
дишьҭаԥало дишьҭан арахә рҳақьым Шагә, данааскьа, иҽы
азхаз иаанкылан, икәадыр амаха иахьынҳалаз ахәырџьын
аахихит.
Иқьуа-иӷзуа итәаз ажә анаҩсан, игыргыруа игылаз
ацәҵысгьы илаԥш нақәшәеит аферма аиҳабы.
— Ари иахьхи?
—
Ичмазаҩхазаап, иақәшәацәгьаны иҟоуп, арахә
анҭысцоз ауп ианызба, аҳаскьын иамҵасԥсазгьы амфеит.
— Ожәраанӡа крадыжәбалахьазма? — дҵааит Шагә.
— Ихьыҭҟәиҭуашәа иҟан, аха асҵәҟьа исымбацызт, —
иҳәеит Занбеи.
— Асамарлықь рылалама, сукәыхшеит, — даацәажәеит
Назыр, даара илахь еиқәны.
Уи гәеиҭеит Занбеигьы, аха арахә ахьеиласыз азоуп ҳәа
ақәиҵеит.
Дазӡатәырц иҭахушәа ажә даакәшеит арахә рҳақьым.
— Ара уааины уаасыцхрааи, иҩаҳаргылапишь.
— Иургыло абаҟаху... — иҿааихеит Занбеи имахәарқәа
ԥхьарҵәа.
Инеицхырааны мчыла иахо-иагәо иҩадыргылт.
— Изакәызеи Ҷаԥшь, зынӡа уҽурҟьӡеитеи, — даахәмарит
Занбеи.
Аҳақьым ақьышә инапы лҭарԥаны дҩахеит, ацқәа
дынрыҵаԥшит. Игәеиҭеит аблақәагьы, иахьынӡаилшоз
ацәақәа дырҩаханы. Иҿы акуа-иашьҭуа даацәажәеит:
— Абурилиоз чымазара ахьзар? Авакцина Аборту — 9
ҳәа изышьҭоу алаҵатәуп. Адоу акәзар, — авакцина СТИ
ҳәа изышьҭоу ауп иаҭаху, аха уи сара исымаӡам. Арахә
ишыжәдыруа еиԥш аҵәабзы аархәоит, ашьаб аӡаҿы
ирҩынтны иаржәтәуп... Ҳм... убрыгьы акәымзар, ҽак
акәымзар, иаҭахуп абри, анаа... — дааҿахан, илақәа ҭырхаха
Назыри Занбеии днарҿаԥшит, шәсыцхраа иҳәарашәа.
Уи маҷкгьы иқьаф ыҟан, ихьыз уи ауп, аколнхаҩԥҳәыс
Абдеи-ԥҳа Шьамсиа жәык лыцәԥсын, акт ҟаиҵон... Акгьы
идыржәит, акгьы иџьыба инҭарҵеит, дхәыжжаӡа, хар
имаӡамызт. Уброуп Назыргьы уи дахьибаз, мчыла дыкны
дааимгар, данаашаз анцәа идырп, уантә ҽаџьара дцозар
акәыхарын.
— Ҳм... Ани Иашьер ҳәа изҿу ҟазшьас иамоу уи ауп...
— Ани, ари ҳәа аҵааҩцәа реиԥш ара ҳадгылазаауама? Уалга,
ҳаргы аамҭа ҳамам, хаилахоуп… — даагәааит Назыр.
— Уи уажәыҵәҟьа аҭыԥ иқәсҵоит, узыргәаауазеи, ҳнапаҿы
иҟоупеи. — Гәырк ҵәызӡа иаацәыриган хәшәқәак лҭеиҭәан,
аҵәыжқьҳәа ажәеишәаҟьа шыҟаз иарбаны илдәықәиҵеит.
— Ада зҳәазҵа амаӡам, — иҳәахт агәыр аларзза икны.
«Мҟаа» ҳәа иааӷзит ажә. –«Наа» уҳәоу, сызҩахәы уамоуп,
қьарс иулоу ҳәа...
— Аиеи, усгьы уи ауп уара узызхәыцуа.
— Ахәшә ахьыҵырхуагьы џьыкацк ыҵарԥсауеит, мамзар,
ахәшә зырҭо иахәаӡом.
— Егьигьы гәаҳҭапи, — ацәҵыс ахь иҿынеихеит Занбеи.
Инеины илахәаԥшит. Игиуа ахарч ахьызшәа, аԥынҵа ԥшшы
ҭгауа игылан.
— Ари чмазыҩхаанӡа ишԥаҟаз? — дҵааит дхарахаԥшуашәа
Шагә. — Иабаргызыз, ихрыӡырха арахә ирылан. Амала жәаха
зны аккаҳәа иӷәаҳауан, — иҳәеит Занбеи...
— Ыы? — иҿы хькәажӡа дааччеит Шагә. — Абас иагзу
еснагь, мамзар маҷк иацзу?
— Ас ишԥаҟаз? Агәчамақәа ӡарышәаруа, избалак зегьы
аилаҳауан, — инаиаҭаикит Занбеи.
— Оумак агәыҵашәеит, аха изакәу анцәа итәуп, —
иҳәан, Шагә длеиҳәҭҟәыҟәлан агәыҵа дныҵаԥшын инапы
ныҵишьит... Нас аԥхьан ишыҟаиҵаз еиԥш, аԥынҵа инапы
нҭарԥаны еимҿихырц иҭахушәа днаха-аахеит.
«Ԥыф-чыф» ҳәа ахы наҟьа-ааҟьеит иара.
— Аҭул хәшәы бзиан, санду арахә анчмазаҩхалак
идлыржәуа збахьан.
— Аҭул иара акәым, уара ухаҭа уоуп изыхьыз.
—
Иуцәажәашьоузеи Назыр, сара сыкәкәыцыкәкәо
исыхәшәтәуеит ҳәа саҿуп, арахь уара усацәҳауеит.
—
Сумацәҳакәа, хымш ҵуеит ҳушьҭеижьҭеи, ара
урыдгылазароуми ажәлар рырахә...
— Сара сҟьалаԥаланы сдәықәӡам, сахьыҟоу сеиҳабыра
ирдыруеит, ҷыдала Қәыџьмахан иасҳәеит...
— Иаргьы уаргьы сҳәарын, аиеи... Уии уареи шәҳаманаҵы
ҽеи ҟалараны иҟам ҳанхамҩаҿы.
— Сара усацәҳаргьы, дызхурҟьозеи, ауаҩы хазынахә ду...
— Нагә ихаҳә шәнаганы шәықәгыландаз шәҩыџьагьы...
— Уца наҟ, сыла уаԥырцқьаны.
— Сагьықәуцоит, ыы?
— Уцар, акыр узҭо рҿы рырахә ухәшәтәлап...
— Бзиоуп, бзиа. Исаҳаит иуҳәаз... — ихәшә-ибыӷьшәа
аидкылара дналагеит.
— Ари ацәҵыс аҟазшьақәа злазбо ала, — ацәажәара
дналагеит Назыр, — ашәыр афазар ҟалап.
— Ашәыр абафарыз?.. Анцәа иныс, Машьа лбаҳча иҵан,
оумак шыҟанаҵаз, — инаиаҭеикит уи Занбеи.
— Иназгазеи уа?
— Лыжәқәа ирхьыԥшны ицазар акәхап.
— Ашәыр иакыз абасоуп, иҟандеиуа ааҵрақәа ирывоуп,
афара-ажәра иақәиҭымкәа. Акы аазырҽеираны иҟаӡам.
Иҵыкәкәаанӡа аҳәызба арбатәуп.
— Аҳәызба?.. — иҿы аахькәажит Шагә, сыхәҭагьы шәхашә
мыршҭын иҳәарашәа.
— Угәы иаанагаз сара издыруеит, аха аҳампал ауп иуоуа.
— Иззакәи, уара, иззакәи?..
— Иззакәыхи, уаԥсаӡам.
— Санаауазгьы издыруан абас шәшысԥылоз... — ахәшәқәа
зҭеигәаз ихәарџьын акәадыр амаха инхишьын, иҽы
днақәтәеит. Агәашә данҭыҵуаз, арахь дааҳәын ҿааиҭит: — Са
сџьабаа ауаа ирдыруеит, уи аӡә даӷрагылар зуам, изуҵәҟьом.
— Иумулан уҭахызар...
Иҽы авыр-вырҳәа аҵыхәа аҟьон, уи абна ацәхыԥ
даваланы дахьнеиуаз.
XXI
Адкыларатә ԥышәарақәа ианрылга, Нарсоу дышиашаз
ианшьцәа рахь дхынҳәны дааит... Уи иани иаби анԥсы, усҟан
хышықәса ихыҵуан, даашьҭхны даарган, аҩны драаӡеит,
аҭаацәа дырхыԥхьаӡалан, ҽнак дрымбаргьы рзычҳауамызт,
еиҳарак Назыр ихәыҷқәа, рхатәы иашьак еиԥш акәын
ишизыҟаз...
Иҿҳәара анааи имаҭәақәа ааидкыланы амҩа дықәлеит.
Ргәы ааԥшааит аҩны иҟаз аҳәса. Уи акәым, ианшьа ихәыҷқәа
ихьынҳаланы дыркит, уабацо, лассы ухынҳәуама ҳәа.
— Саргьы суццоит, — лҳәан, Мзана днеихьынҳалеит...
Ари збаз Наалагьы, ауеимадаҳәа инеимаҭәаны аҵәыуара
далагеит.
—
Зылацәа еиқәыԥса ицәо акьанџьа шәзаасхәоит,
ахәмаргақәа рацәаны ишәзаазгоит... — ижьжьауан иара, аха
акгьы хьаас ирымамызт.
— Сыжәга… — дыҩуа, дхысхысуа дрышьҭан Мзана.
— Баагоит баргьы, аха бандухалак, атехникум ахь
акәымкәа, ауниверситет ахь…
— Уи сара исҭахӡам, Нарсоу дахьҭоу ауп сара иахьысҭаху...
— Ее, ббаашәт, барак арахь быҟаӡам, — лыбла алаӷырӡ
ихыҳәҳәылаз аарыцқьаны, еилажәжәа иҟаз лхахәы
нырҽеины дҩышьҭылхит лан.
Назыри Нарсоуи ацашьа иақәымшәо иқәгьежьаауа
амӡырха иқәгылан.
— Шәара шәцеи, уи дҵәыуазар дааҟәыҵп, акгьы лыхьуам, —
лыҽналалгалеит ангьы. — Иабаҭахыз, џьушьҭ, уи атехника ҳәа
шәызҿу, жәа-класск ыҟазар, ҳашкол аҿы иҵара неимыгӡауаз.
— Иҟамлар иабацо?..
— Уан рыцҳа, мышкы зны ак шыҟало аузымдырхуа, аха
уи ҳара иабаҳахәо. Ахәыҷқәа днарзыԥшын: — абарҭ ма
ирыхьӡандаз...
Назыри аҷкәыни агәашә инҭыҵит, архәара иаваҵәиаанӡа
Нарсоу ишьҭахьҟа дыԥшуан, алымҩанык аиҳәшьцәа хәыҷқәа
рыхьусубжьы илымҳа иҭыҩуан...
Астанциаҿы автобус ианааҭыҵ, ишиашаз атехникум
ахь ицеит. Уаҟа уажәы еиҳа иҭынчран, еиҳа-еиҳа
аҭышәынтәалара иаҿын. Ахфакультетк иҟаз рҿы иры
дыркылашаз рыдыркылеит. Асиақәа аҭӡамцқәа рҿы икнаҳан,
ишьақәыргылан арасписаниа. Аҵара ашықәс ҿыц аламҭалазы
имҩаԥысуаз аҽазыҟаҵара-еиҿкааратә процесс анҵәамҭахь
инеиуан, џьара акы-ҩба зҵаара ракәымзар, шамахамзар,
зегь рҭыԥ иқәҵан, азеиԥш нхарҭаҿы митәык узыргәырӷьара
акгьы ыҟамызт, аха ирымаз ахәыҷала еиҿкаан. Аԥенџьырқәа
асаркьақәа рҭасан, адәахьалагьы аҩнуҵҟалагьы ҿыц ишәын,
аха зегь акоуп, аҩаза аҿыкәкәо, иаахәынгоушьаратәы
иҟан, аҩнуҵҟа цәгьам-бзиам хар амамызт, ада змамыз изы
уаанҿасратәы иҟан. Назыргьы ауа-аҭынха ҳәа ддәықәымлеит,
қьырак шәаны уадак дыҩнасҵоит ҳәагьы даламгеит.
Зны ҳааԥшып, изымҵакәа дхьагәгәа уашьҭахьтәы
дхынҳәны даауазаргьы ҳаздыруам, иҳәан, днаганы азеиԥш
нхарҭаҿы даанижьит, амала акзаҵәык иҟаиҵаз, араион
аҿтәи аҵараиурҭаҿы аекзамен ицықәгылаз ани аҷкәыни
иареи уадак еицыҩнеиҵеит.
Днаганы иҭыԥ-иҭышә, ишьҭаларҭа уҳәа зегь идырбеит.
Иҩызагьы икаруаҭ ишьапаҿыҵәҟьа игылан, зынӡа хә-ҭыԥк
аман, аха макьана дара рыда уаҩы дыҟаӡамызт.Азеиԥшнхарҭа
амаҵзуҩцәа иреиуаз ԥҳәыск ашьыршьафқәа, ахчхҟьақәа,
аԥхын хызақәа уҳәа ааганы ирылҭеит. Ихыгә-хыгәӡа аихатә
каруаҭқәа игылаз, ацәарҭақәеи ахчқәеи ракәын ирықәӡаз,
даарыцхраан ашьаршьафқәа нықәлыршәит, аконверт сахьа
зманы игәылаԥҟашәа иҟаз аҵҟьақәа аԥхын хызақәа нырҭар
шәны, ахчқәа ахҟьақәа нырхылҟьеит. Ашьҭахь илыманы
дцан аҿыӡәӡәарҭа, акрыфарҭа, ашьашьма уҳәа ахьыҟақәаз
надлырбеит...
Назыр аҷкәыцәа рҭыԥ ылхны данаахынҳәуаз, иманы ақалақь
дналс-аалсит... Амаҭәа-аҩыҭәа ахьырҭиуаз магазинқәакгьы
инрыҵалеит... Нарсоу кьаҿ бзиак изааихәеит, хылԥаки ҟәбас
маҟаки нақәҵаны, иҩызагьы маҟак аахәаны ииҭеит. Ақыҭантә
ианаауаз, ахәыҷқәа ихьҵәыуаз рзынгьы хәмаргақәак ихәҳаит...
Ихаимыршҭит иара убас иани иԥҳәыси... Ашьҭахь, Нарсоу иҩызеи
иареи рҭыԥаҿы иааныжьны, хәылԥазтәи амашьына дақәтәаны
Агаҟа дцеит.
Ашҭа данааҭала, амра аӡы инӡаагылон. Инаидҳәаҵалеит
Наалеи Мзанеи. Иан Қына ллаба лҽанҵашәа азхаз дгылан,
илаԥш данааҵашәа, ихәыҷқәа аҳамҭақәа ирзааихәаз
нариҭан, инеиҟәиҭхеит. Уи еиҳабык иҿы, еиҳаракгьы иан
дахьыҟоу, ихәыҷқәа идикылаӡомызт. Шьоукы ишырдыруа
еиԥш, аӡәы ишьамхы дықәиртәо, ихы ишьышьуа, игәы
ишьышьуа иҟаимҵацызт...
– Абри бара бзын... — иан лахь инаирххеит аҵкы
илзааихәаз, — аригьы лара лзы исыхәҳаит, цәацәҩыча
ззааирак ыҟоуп, акрепдашин хкқәа иреиуоуп...
Иан убрыгьы ааимылхит. Илгәыдыҳәҳәала, лыблақәа
уажәы-уажәы ивакшәа, ҿыцха ирԥшуа даацәажәеит:
— Ари зегьы хнаҩуа иҟандаз, иҳауеи, шьыри… Акгьы
ахьылымҳәауа, илзеилкаауам угәахәуазар агха умоуп. Бзиак
дҳаднагалеит акәымзар...
Илҳәаз илымҳа инавижьын, иан дынлазҵааит:
— Аконтора аҿынтә аӡыр дсышьҭазма?
— Аконтора аҿынтә иушьҭаз ҳәа аӡәгьы дҳамбеит, аха
анахь иуазҵаауан ҳәа ҳаҳаит...
— Анахь абыкәу, мшәан?
Уажә иан зыӡбахә лымоу ихәнацәак реиԥш ишидыруагьы,
ҽзымдыр ҟаҵо даацәажәеит:
— Баџьгәыр дабаҟоу, дызбаӡом, архаҿы амхы иҳамоу
уналаԥш ҳәа иасҳәан, дымцаӡеишь?
Лажәа шахигоз аалгәныҩын, дынкылԥшыхәшәа хрыжьхрыжь даацәажәеит.
— Ух, ашьашә ухаԥыцқәа ыҵимхааит, аиеи...
— Арахь шәмааиуа, уа шәгыланы шәзеицәажәозеи?..
Ишәҳәауа аасмаҳарыз саргьы, — лҳәеит амаҵурҭа ахьтә
арахь зҿаазхаз Ница.
— Иҟоузеи ахәыҷы иусқәа?
— Ицәгьам, уажәазын азеиԥшнхарҭаҿы даансыжьит,
иҩызеи иареи еицыҩноуп.
— Иахьышьҭало ицәаакӡамишь, нан?
— Изырцәаакуазеи, ақәа кылсп ҳәа ушәоу, еиқәҟаца
жәытә ҩнык аҿы иҟоуп.
— Хаҳәтәызар излыху ацәаакыра амӡааӡом.
— Ее, сан ббаашәт, бара зны-зынла ихабырҟьоит, —
дхәыцуашәа дааҭгылеит Назыр, — мамоу, уажә ахьатә
ҩны рыздыргылон убра... Цәаакыра ҳәа акгьы адсымбалт,
сыздырам, икәаԥҷаҷараӡа иҟоуп, дара ирызхоит.
— Ианду ҽааны дымнеиааит, дынҳалҵны уахык џьара
дцахьазу, ҳагәхьааигашт... Ара бааины исымхи, нан, —
лымаҭәақәа лҭаца лахь иналырхеит.
Егьи иаалымылхын, илыманы аҩныҟа дныҩналеит.
— Ушиашоу уаау, мамзаргьы... — дзыргәамҵуаз азҵаарахь
днахынҳәит адырҩегьых Қына.
— Сышиашаз смаакәа, сабацоз...
— Уахьцо заманалаҵәҟьа иудыруеит, аха...
Убри аамҭазы, ҷыжьжьыҳәа агәашә абжьы аагеит.
Инаԥшызар, ашҭа дықәланы дааиуан Рашь.
Ан лнапы ыргьежьуа днеиԥылеит.
— Бзиала уаабеит! — иҳәеит Назыр уи инапы имхуа...
Амаҵурҭаҿы Ница уаххьа армазеира даҿын, абысҭа уны
иақәгылан, аҟәыд чаԥаны ишьҭылххьан, рҵәык, уҭраҭыхк
зҳәаз еиԥш, ачанахқәа ирынҵаны астол иқәгылан.
Ахәы ахьдырмазеиуаз ахәшҭаара аԥхьашәа ахәыҷқәа
налыртәан заа акрырҿалҵеит. Ашьҭахь руадаҿы илган,
ршьапқәа ӡәӡәаны, ҵаҟатәи рымаҭәақәа рышәҵаны, дасу
риарҭақәа рҿы инышьҭаҵаны даахынҳәит: – Нан, аҵара
шәаламгаӡаци макьана?
— Аҵара иалагахьеит, аха ҳара апрактикахь ҳцараны
ҳаҟоуп азын, ҩымшҟа сыҽрымхны сааит.
— Апрактика шәабахысуеи? — дҵааит Назыр.
— Аҟәа, аредакциаҿы.
— Аредакциаҿы уҳәама? — даазҿлымҳахеит Қынагьы.
— Аиеи, ажурналистикатә ҟәша аҿы ауп аҵара ахьысҵо.
— Уи закәу здыруашәа... Аха усгьы ҵара бзиахап..
Шәнапқәа ӡык рықәшәҭәа, уажәшьҭа ихиоуп астол, — Қына
дҩагылан абарҵа икнаҳаз анапырӡәӡәага аҿы лнапы ӡык
нахьлыршашәа ааҟалҵан, дааины ахаҿы днатәеит, егьырҭгьы
рнапқәа ӡәӡәаны лҵыхәахьшәа рҭыԥ аалырхит. Ница лакәын
итәамыз. Уи дырхагыланы ак налгон, ак аалгон, рымаҵ луан.
Бжа ичауаны еиԥш аан, иаацәырыргеит аамҭала
залымдарала иҭаркыз, аԥсҭазаарахь изымхынҳәыз ауаа
ртәы. Уи машәырла ицәырымҵӡеит, Назыр ианшьакгьы
дҭаркхьан, акраамҭа дахганы дыҟан, дхынҳәит, аха иԥсы
ааигеит аҟароуп, шықәсыкгьы дымнеит, иԥсҭазаара далҵит,
Рашь иабгьы дзыхҟьаз ҳәа акгьы ыҟаӡамкәа иус ӡбаны аӡы
дынхырҵан, уи акәыхеит, уаҳагьы дзыхнымҳәит.
Ауаа андырӡуаз идырӡыз ҳәа акәын урҭ рыӡбахә
шырҳәауаз, Рашь иреиҳәеит иаб реабилитациа шизыруз, уи
атәы зҳәауа ашәҟәы Аҟәа апрокуратураҿы днаганы инапы
ишадыркыз уҳәа убас иҵегь.
— Аҩнымаҭәа иргаз дырхынҳәрушь, нан? — дҵааит Расҭа
иҭакра акәамаҵамақәа ртәы здыруаз Қына.
— Уи уажәшьҭа иабадырхынҳәуеи, аха ԥараны иҳарҭозар
акәхап. Усҟан иргаҵәҟьаз ахә зегь ҳара иҳазҭода, аха аԥса
аҵкыс хык ҳәа, ахәҭак ҳаургьы акыр иаԥсоуп.
— Мцура руртә, уан лхьымаҭәақәагьы рымгази усҟан...
— Ус акәгәышьоуп, аха иҟауҵои.
— Са исгәалашәоит, аус анырӡба ашьҭахь, аконфискациа
ҳәа аума, шьоукы нкылсын, аихатәы каруаҭ аиара нанҵаны,
ажәхьа аԥа аҵакәашо агәара инҭыганы иргеит. Ашаҳаҭ
даҭахызар, сара саӡәыкны шаҳаҭс сгылоит, издыруа рацәоуп,
аӡәгьы мап икуам...
— Бзиоуп, иаҭаххозар.
Рнапы неилышь-ааилышьуа акрыфара иаҿын, акакагьы
ааныркылеит. Ажәлар рныҳәаҿа ашьҭахь, агәаҟцәа ҳәагьы
иржәит.
— Абаргьажәқәа зҭахыдаз, иара иԥсы ҭаны дҳамандаз.
— Башаӡа шьоукы днарыхәылабга дымцеи... Ааигәа
ишәақь змаз дубазаарын?
— Дибазаарын ҳәа аума?.. — иажәа налеиҵеит Назыргьы.
— Уи азын Назыр ҭабуп ҳәа иасҳәоит, уи иакәымзар,
ахәынга сахьԥшырц сыҟазма...
— Аекспертизаҿы иахьдурбаз иахырҳәааи? — дҵааит
Назыр.
— Иҵәаӷәаны ианыхыз анбанқәагьы цәажәеит, анбани
анбани рыбжьара, иҭыӷьӷьааӡаны иахьыҟаз гәынхәҵысҭала
еилукаауеит...
— Аџьнышқәа, ԥхашьара мацәак рыбла ихындаз... — даа
гәааит ан. — Ртәы-рымаа иақәиҭымкәа анцәа исирбааит,
алақәа... Расҭа башамаша уаҩызма?
Арыжәтә мыцхәы рҽадрымцалеит, акы-ҩба иржәыз аҿы
рҽааныркылеит.
— Аԥшәмаԥҳәыс аҳәызба наҵырԥашәа игьежьӡа, ишеибгаз
ахьыруачуан иааҭылгаз ачхәар раԥхьа инықәылҵеит.
Рашь иааџьеишьеит абас ҵкәарсҭак џьаргьы ианӡамкәа
иахьҭылхыз. Убригьы инамарҷаны акырҷ-кырҷҳәа инацҳауа
маҷк рфеит.
Аҵыхәтәан, ҳазҭоу ҳәа даҽа акака ааныркылеит.
Ианыҩагылагьы, амца аԥхьашәа иаатәеит. Ахаҵгыла
крылфаанӡа Рашь дымцаӡеит, еицәажәон, ажәабжьқәа рҳәон.
Рашь аԥшәма иеиҳәеит дызааизгьы. Уи Шарԥаа рырахә
ааӡаҩцәа ирызкны материалк иҩырц иҭахызаап, излеиҳәаз
ала, ашьха даныҟаз ашьаҭа икызаарын, инагӡатәын, факт
ҿыцқәак еиликаарц даашьҭын. Иагьеибырҳәеит афермаҿы
еиқәшәарц.
Назыр уи данынаскьеигоз акыргьы иныҟәеит аҳауаҿы.
Дхынҳәны данаауаз, амзагьы хахаӡа ашьха кьышәкьышәра
иҩавҵыԥхеит.
XXII
Қәыџьмахан амӡырхаҿы амҿы аԥҟара даҿын, уи
дицхраарц шьыжьаахыс арахь иааны иҟаз игәыла Уанчка
ақыдхымсаҟәақәа игәыдкыла дқьырҵҵуа инаганы иаԥхьа
инаиргылон, егьи иеиха ҿыцырцыр ихагәҭахьы иҩаганы
«ыҳ» ҳәа ахы адамаҟьара данықәслак, акараҳәа иааиҟәшәон,
нас егьырҭ абжақәагьы еиҟәыршьшьаны инышьҭеиҵон.
Убри аамҭазы игәыла Камидаҭ, қыжәк иҽыхәда иқәкны,
агәашә дааҭалеит. Ашҭа агәҭа ааиҩиҵәоны еиԥш аан,
аҷкәынцәа неиԥылан иқыжә ааимхны ацаҵаҟахь ирыманы
иныҵалеит. Иара аҽыгә-ҽыгәҳәа дыччауа, уажәы-уажәы
ахҵа-ахҵа дкажьцәо, иҽы аӷәра аҽхырԥарҭа инхишьын,
ашыр-шырҳәа аԥшәма иҩызеи иареи ахьыҟаз амҿырҟәарахь
иҿынеихеит.
— Уа мшыбзиақәа, бзиа жәуит, — иҳәеит данаарыдгыла.
Аԥшәма иеиха аԥынҵа иаԥхьашәа ишьҭаз ақыдхысмыҟә
иналаирсын, аԥсшәа наиеиҳәеит.
— Бзиала уаабеит, — иҳәеит егьигьы инапы имхуа. —
Ҟоҳ, уара аԥшәмара нкылаӡаны уҟазаапеи, — даахәмарит
Камидаҭ.
— Уи азин имоуп, иахьа шьыжьаахыс ара дсыдгылоуп,
Санааихәылахо ахьышәҭҳәа даакылсуеит, рыцҳа...
— Ахарџь усырҟаҵеит ҳәа сыҟоуп...
— Асасцәа сымҭак агьама рбандаз сгәахәт...
— Ҟоҳ, ари азыҳәа?.. — ҿааиҭит Уанчка дхаԥшшалашәа
дахьгылаз.
— Уара, абригьы улымшеит, уажәы сара стәы уҳәоит, ыҟа
мзи, — игәыла ииҳәаз ааицәымӷхан, иган реирхашәа днышьҭаснышьҭасуа еиԥхьытта икажьыз амҿы ааидикылт.
— Аџьабаа ухы залоуҵазеи, Камидаҭхеит. Ҳара уи
ҳазрыцҳаны ҳаҟаӡамызтеи?.. — абарҵа аҟынтә лыбжьы
аагеит аԥшәмаԥҳәысгьы.
Ауаа ирҳәо ҳәа акы лҳәеит акәымзар, агәахәара ду
шылнаҭаз ҩашьомызт лцәажәашьала ргәыла Камидаҭ
«аҳамҭа» ирзааигаз.
— Иабатәи џьабаау зыӡбахә бымоу, дихеит, агәыла иуҭо
ыӡуам, мышкызны иуԥылоит.
— Алшарақәа роуп акәымзар, саргьы иаусҭахыхым аӡәы
акы исҭар?
— Ус зуҳәауазеи, Уанчка, уаргьы хар умаӡам. Маҷ
сзыҟауҵахьоума?.. — хыла уаҳа акагьы аӡбахә мҳәакәа уа
иааҿахиҵәеит иажәа.
— Анҭ шәаархылаԥши абааԥсы, иршьыргьы ацәа рза
хыхуа ҳәа иҟоума?..
— Уи уажәыҵәҟьа сара аҭыԥ иқәсҵап, — иҳәан, иаҳәызба
ырмазеиуа уахь иҿынеихеит, дыҭраҟәҭраҟәуа уи дынишьҭалт
Уанчкагьы...
Аԥшәма имазеины, иршьшьаны ишьҭаз гәыдк азна амҿы
аашьҭихын, амаҵурҭаҿы инаганы аплита аԥхьаҟа аддыҳәа
инкаижьын, еиҳа иссаны иԥҟаз ԥшьбаҟа хьышьаҵә аалихын,
ашә аартны уахь инҭеиҵеит. Уаҟа амца ааибакын, иҩхәыҵҟьаз
амцабз ачуанқәа згәылагылаз аҭуџьтә қәырҟьа иҩаҵашит.

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа реизга - Гьаргь Гублиа. Аԥшьбатәи атом - 10
- Büleklär
- Иҩымҭақәа реизга - Гьаргь Гублиа. Аԥшьбатәи атом - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3269Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23630.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга - Гьаргь Гублиа. Аԥшьбатәи атом - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3312Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23390.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга - Гьаргь Гублиа. Аԥшьбатәи атом - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3278Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22820.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга - Гьаргь Гублиа. Аԥшьбатәи атом - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3275Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23270.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга - Гьаргь Гублиа. Аԥшьбатәи атом - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3274Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23010.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга - Гьаргь Гублиа. Аԥшьбатәи атом - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3306Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23400.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга - Гьаргь Гублиа. Аԥшьбатәи атом - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3284Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23320.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга - Гьаргь Гублиа. Аԥшьбатәи атом - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3313Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23280.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга - Гьаргь Гублиа. Аԥшьбатәи атом - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3311Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23590.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга - Гьаргь Гублиа. Аԥшьбатәи атом - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3308Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23130.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга - Гьаргь Гублиа. Аԥшьбатәи атом - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3203Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22400.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга - Гьаргь Гублиа. Аԥшьбатәи атом - 12Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3306Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23230.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга - Гьаргь Гублиа. Аԥшьбатәи атом - 13Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3235Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23230.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга - Гьаргь Гублиа. Аԥшьбатәи атом - 14Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3245Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23330.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга - Гьаргь Гублиа. Аԥшьбатәи атом - 15Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3297Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23270.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга - Гьаргь Гублиа. Аԥшьбатәи атом - 16Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3266Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23650.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга - Гьаргь Гублиа. Аԥшьбатәи атом - 17Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3238Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21590.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга - Гьаргь Гублиа. Аԥшьбатәи атом - 18Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3300Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23120.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга - Гьаргь Гублиа. Аԥшьбатәи атом - 19Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3239Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22440.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга - Гьаргь Гублиа. Аԥшьбатәи атом - 20Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3303Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21610.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга - Гьаргь Гублиа. Аԥшьбатәи атом - 21Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3269Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20320.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга - Гьаргь Гублиа. Аԥшьбатәи атом - 22Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3217Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19150.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга - Гьаргь Гублиа. Аԥшьбатәи атом - 23Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3288Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19270.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга - Гьаргь Гублиа. Аԥшьбатәи атом - 24Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3269Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18120.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга - Гьаргь Гублиа. Аԥшьбатәи атом - 25Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3342Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20400.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга - Гьаргь Гублиа. Аԥшьбатәи атом - 26Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3371Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20430.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга - Гьаргь Гублиа. Аԥшьбатәи атом - 27Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3427Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19850.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга - Гьаргь Гублиа. Аԥшьбатәи атом - 28Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3395Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20590.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга - Гьаргь Гублиа. Аԥшьбатәи атом - 29Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3296Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19140.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга - Гьаргь Гублиа. Аԥшьбатәи атом - 30Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3297Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19810.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга - Гьаргь Гублиа. Аԥшьбатәи атом - 31Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3254Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18670.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга - Гьаргь Гублиа. Аԥшьбатәи атом - 32Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3359Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19680.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга - Гьаргь Гублиа. Аԥшьбатәи атом - 33Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3389Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19340.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга - Гьаргь Гублиа. Аԥшьбатәи атом - 34Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 2722Unikal süzlärneñ gomumi sanı 16200.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.