Latin

Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 01

Süzlärneñ gomumi sanı 3267
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2161
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Аԥҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа
Аҟәа 2013

Џьума Аҳәба
ИҨЫМҬАҚӘА РЕИЗГА
Хә-томкны
Ахәбатәи атом

Аԥҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа
Аҟәа 2013

Џьума Аҳәба
ИҨЫМҬАҚӘА РЕИЗГА

Ахәбатәи атом

Аповестқәа
Ажәабжьқәа
Ахәыҷқәа рзы
алакәқәеи ажәабжьқәеи

Аԥҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа
Аҟәа 2013

Џьума Аҳәба. Иҩымҭақәа реизга 5-томкны. 5-тәи атом.
Аԥҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа. Аҟәа, 2013. – 616 д.

© Аҳәба Џь., 2013
© Аԥҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа, 2013

ДЗЫРҨУАЗЕИ АШӘҞӘЫҨҨЫ?
Азҵаара, шәара ишыжәбо сыздыруам, аха сара, уи
азҵаара ықәзыргылаз схаҭа, исҳәо сҿамшәо сааннархеит. Инарҵауланы уазымхәыцыр, ухы мыргәаҟӡакәа аҭак
ҟауҵарашәа аҽунарбоит. Узазҵаарызеи, иаҳҳәап, аҵәаҵла
изҿалозеи ҳәа аҵәа. Мамзаргьы — адгьыл иҵхәраа изаауазеи
аӡыхь? Ашәа заҳәозеи аҟармаҵыс? Ашьхыц изыҟанаҵозеи
ацха? Ԥсабарала ус ишоуп, ус иҟоуп, уаҳа акгьы. Аха урҭ, хыхь
зыӡбахә ҳҳәаз, иҟарҵо заа иазымхәыцкәа, иара ус ԥсабаратә
инстинктлоуп ишыҟарҵо. Ауаҩы? Иҿыцым, ирҳәахьеит, аха
ҳхы иаҳархәап ҳаргьы: еиҿҳарԥшып анџьныри абызкаҭаҳаи.
Иреиӷьу анџьныр изыҟаҵарым, убас иҟаҵоуп, убас еиларсны иԥоуп, ихахоуп, абызкаҭаҳа иаҳауа акаҭа. Аха иреицәоу
анџьнырҵәҟьагьы абызкаҭаҳа аҵкыс дызлеиӷьу, уи иргыларц
ииҭаху аҩны апроект заа ихаҿы иӡбауеит, ихаҿы заа иргыланы далгоит, насоуп ақьаад ашҟа ианиаиго. Абызкаҭаҳа
акаҭа шԥатәу, ишеиларстәу, ишыҟаҵатәу, ма излаҟаҵатәу ҳәа
акгьы ӡбаны иамам. Уи иамоуп акы заҵәык, хыхь иаҳҳәаз
аҿырԥштәқәа ирымоу — аинстинкт. Ахеиқәырхара аинстинкт. Хныҟәгагас иамоу иаҳаз акаҭоуп. Ауаҩы? Иҟаиҵо,
изыҟаиҵо, насгьы ишыҟаиҵаша заа дазхәыцуеит. Акримфар,
иҽеилеимҳәар, хыбрак ихы ныҵаимкыр уҳәа, зыда ԥсҭазаара
имақәам рацәоуп. Ашәҟәыҩҩра? Зыда ԥсҭазаара имақәам
иреиуоума? Даҟәыҵыр, икалам наҟ инышьҭеиҵар игәы изамуазеи? «Умыҩлан, умыҩлар улшозар», — иҳәеит Лев Толстои.
Ашәҟәыҩҩы иашаҵәҟьа дмыҩлар илшом. Избан? Изилымшозеи ҭынч атәара? Иҵгәозеи?
Анџьныри абызкаҭаҳаи ҳәа иааҳгаз аҿырԥштәы ҳназ­
хәыцып еиуеиԥшым ганқәак рыла. Шәахәаԥш абызкаҭаҳа.
Шәахәаԥш ашьжьымҭан, амра ашәахәақәа анҩыҵхахалак.
Абызкаҭаҳа ҟәашӡа амсыр қьаадыш иаҩызахоит. Аимхәыцқәа
реиԥш, ипҟыш-пҟышӡа, иахьныссы иақәԥсоуп аӡаӡа цырақәа.

Амра ҩеицыԥхьаӡа, урҭ рыԥштәхәы еиҭаркуеит. Шьыри, еимхәыцқәаны, бзиа избо аԥҳәызба лыхәда иахандаз
уҳәап. Аимхәыцқәа зхьынҳалоу абызкаҭаҳа каҭагьы, иарбан нап ҟазоу усҟак еинрааланы изԥара! Убри ашьжьымҭан,
абызкаҭаҳа
каҭагьы,
иақәԥсоу,
иахьынҳалоу
аӡаӡа
еимхәыц цәыкәбарқәагьы убас ианеилыџьџьо, иануаркалеиуа, аԥшӡара иакны ианаго, уи зыҟаҵамҭоу, изҳаз, изԥаз
абызкаҭаҳа ахаҭа уаҟа ижәбаӡом. Џьара аҽыҵәахны иԥшуп.
Иԥшуп акаҭа зыҟанаҵаз анынаӡо ҳәа. Амҵ ԥырны ишааиуа, акаҭа ианналашәалак, амҵәыжәҩақәа, ашьапқәа шаҟьо,
шаҟа аҽарххо, иаҳа-иаҳа абызкаҭаҳа акаҭа акәшо мацара,
иуқәшәира-исықәшәира дышҿарҳәаша, еиқәԥах иҿаҳәаны,
аԥсрада гәыӷырҭа амамкәа иаалахоит. Ашьшьыҳәа, ашьап
дуқәа еихҳәо, имыццакӡо иаакылсуеит абызкаҭаҳа. Ача иит,
афатә мазеиуп. Убри азыҳәан акәын акаҭа заҳауазгьы. Егьырҭ
зегьы, акаҭа ԥшӡаны аԥара, аӡаӡа пҟышқәа ԥштәы рацәала
ашьыжьтәи амра ашәахәаҿы реилыџьџьаара, аимхәыц қаруа
уаркалеиуа уҳәа, ишынеибакәу зегьы ацәтәымын абызкаҭаҳа.
Ҳазааигәахеит анџьныри абызкаҭаҳаи злеиԥшым даҽакгьы.
Анџьныр аҩны апроект аныҟаиҵо, аҩны аҩнуҵҟа анхарҭанҵыраз аманшәалара аамышьҭахьгьы дазхәыцуеит аҩны
аԥшӡарагьы. Ақәацә даныҩназ инаркны, ахан хьыҵәцараҿы
иҩеираҿы иҵгәоз ируакуп аԥшӡара азхәыцра. Шәахәаԥш
абызкаҭаҳа акаҭа сынтәатәи ааԥынразы, шәахәаԥш ҽааны,
цахә. Шәанахәаԥшлакгьы — ишыҟанаҵац иҟанаҵоит. Миллион шықәса уажәаԥхьагьы убасҵәҟьа акәын акаҭа шаҳауаз.
Миллион шықәса ракәым, абиԥарак ирыҵаркуа аамҭак
иалагӡаны ҩнуҵҟала иаҳа иманшәалахо, зегьрыла еиҳа
иԥшӡахо иԥсахуеит, еиҭеикуеит ауаҩы иргыло аҩны. Иааҳгаз
аҿырԥштәы — аматериалтә культура аиӷьтәреи адоуҳатә беиара азыгәҳәреи — еицәыхароушәа уаҩы ибар ҟалоит. Аха
инарҵауланы уазхәыцыр,урҭеицәыхара акәым,еизааигәаӡаны,
иузеидымхуа еидҳәалоуп. Ҿырԥштәқәак аагап алитература
аҟнытә. Апоетцәа рпоет алашә Гомер дазышәаҳәон Агамемнони, Одиссеии, Еленеи, Пенелопеи рыԥшӡара. Цәала-жьыла,
маха-шьахала рыԥшӡара аҵкысгьы, рыҩнуҵҟатәи рдунеи,
русқәа рыла рыԥшӡара акәын уи еиҳарак дыззышәаҳәоз.

Дыззықәԥооз Дон Кихот? Ацәгьамыцәгьара даҿагылан. Иарбан цәгьамыцәгьараз? Иарбан иашаз ииҭахыз? Аԥсҭазаараҿ
аиаша аиааира арганы, ауаҩы иуаҩра ахьышьақәҟьаз ирбаны, иԥшӡара ианылаз ашәытақәа раныхра акәын уи ииҭахыз.
Ауаҩы иԥшӡара (ауаҩреи аԥшӡареи неицрымхкәа иаҳҳәозар)
ицәзырӡуа иҟазшьақәа наҟ иҟәблааны, дзырԥшӡаша аусқәа
рахь ихы ирхарц азыҳәан акәын иԥхьарца кны дзышәаҳәоз
алашә Жана Ачба. Зыблақәа алашара рыхбалаз уи ауаҩ —
зыблақәа хтыз аӡәырҩы раҵкыс ибон. Иарбан дыззықәԥоз?
— Ацәгьеи абзиеи реиқәԥараҿы аиааира аргатәуп абзиа, аиаша. Аиааира аргатәуп аԥшӡара.
Уажәраанӡа иааҳгаз аҿырԥштәқәа шәҟәыҩҩык дналкааны иаԥиҵақәаз роуп. Ахшыҩҵак ҳахымскәа, ҳазхәыцып,
ҳахәаԥшып ажәлар рхаҭа иаԥырҵаз хаҿсахьак. Иреиӷьу ҿырԥ­
штәуп Нарҭаа ирыхҳәаау ажәабжьқәа. Еиҳарак иаҳгәала­
ршәаны, ҳахшыҩ азаҳшьҭып акы. Абасҟак ихцәажәоит
Нарҭ Сасарыҟәа, ииуз-ииҳәаз ҳәа абасҟак ажәа лыԥшаалых
изырҳәоит, аха џьарамзар-џьара ирҳәом изеиԥшраз ихыиҿы, ԥштәыс ирымаз иблақәа, дхышзу ихахәы еиқәаҵәазу,
ажәакала, адәахьтәи ипатреҭ ҳәа акгьы рымҳәеит. Избан?
Адәахьала уи иҟалон уара дуеиԥшызар, сара дсеиԥшызар,
диеиԥшызар даҽаӡәы. Уаргьы, саргьы, иара убас даҽаӡәгьы,
иҳалшоит иара ҳиеиԥшзар ԥшра-сахьала. Уи акәым аус злоу.
Уи акәмызт еиҳарак рыхшыҩ ззыршьҭуаз. Нарҭ Сасрыҟәа
иԥшӡара зегьы аадырԥшит иусқәа рыла, иҩнуҵҟатәи ибеиарала. Дызлабеиааз, дызлаԥшӡааз Сасрыҟәа? Иԥсадгьыл абзиабарала. Иашьцәа рзыҳәан иқьиарала. Ажәлар рыцхраарала.
Иҟаиҵаз афырхаҵарақәа (аԥшӡарақәа) зегьы рханӡа игылоуп
ажәҩан аеҵәа кыдԥаан ажәлар рзаагара. Ҵҩа змам ақьиара
злоу, ашьыцра бааԥс згәаҵәахы ҭнаблааз иашьцәа бзиарала ирызныҟәо, аидгылара азыҳәан зыԥсы зҭиуа фырхаҵоуп
Нарҭ Сасрыҟәа. Ажәакала, ауаҩы дзырԥшӡо, аламыс бзиа
имоуп ҳәа ажәлар ирԥхьаӡо ауаҩ дзеиԥшразарц ирҭахыз
зегьы иара илаҵаны дрыӡбеит, реиҳа иҳаракыз рхәыцра
дуқәа дрылхны дыршеит, ргәаҵәахы гарас изыҟаҵаны,
драаӡеит зегьрыла дыԥшӡоуп ҳәа ззырҳәалаша, еиҵагыло
абиԥарақәа ԥсраҽнынӡа изҿыԥшлаша афырхаҵа. Иԥсҭазаара

мацара акәым, иԥсраҵәҟьагьы абанӡаԥшӡоу Сасрыҟәа. Уи
идыруан иарӷьа шьап ибылгьан иаауа ахаҳә инаԥыреикыр,
иԥсҭазаара дшалгоз. Ахаҳә бӷаҵаны иаарышьҭит иашьцәа.
Сасрыҟәа дышҭахоз идыруан, аха дақәшаҳаҭхеит. Иԥсы
ахьҭаз, иарӷьа шьапы аԥыреикит. Уи акәхеит. Ишьапы хжәаны
адгьыл днықәҳаит. Ихы еиқәирхар шилшоз, дзақәшаҳаҭхазеи
аҭахара? Иара иҭахара иашьцәа еиднакыло ибазар? Абри ауп
изыхьӡу ижәлар ихы рықәиҵеит. Абри ауп изыхьӡу, уаҳа царҭа
ахьамам аҟынӡа иҳаракны аԥшӡараҿ аҩеира.
Данааҩнала — аҭаҳмадцәа шанхеит, иҩагылеит ҳәа Гомер иззиҳәаз, Троиантәи аибашьра зыхҟьаз Елена лыԥшӡара
инаркны, иахьа уажәраанӡа ашәҟәыҩҩцәа азхьуеит
ауаҩы иҩнуҵҟала иԥшӡара. Убри аԥшаарҭаҿы аԥхьаҩ зны
дхьаирԥшуеит хараӡа иҳаҩсхьоу аҭоурых ашҟа, даҽазны
— днагәылахаланы дагәылаирԥшуеит иахьатәи аамҭа. Уаҟа
иԥшаауеит иналикааша ахаҿсахьақәа. Иеиҳәоит, уахәаԥш,
абас иҟаз ауаа ԥшӡақәа ыҟан, ма иҟоуп, урҭ ҟалааит уара
узыҳәан имҩақәҵагоу еҵәа каҷҷараны ҳәа... Ашәҟәыҩҩы
иҳаиҳәарц ииҭаху ахшыҩҵакқәа сахьаркырала, аҿырԥштәқәа
рыла, ауаа рхымҩаԥгашьақәа, рҟазшьақәа рыла иҳаиҳәоит.
Уи еиҳарак иқәиргылоит азҵаарақәа, хықәкы хадас имоугьы
уи ауп. Аҭак ҟаиҵароуп аԥхьаҩ, аҭак ҟанаҵароуп аԥсҭазаара.
Иаҳҳәақәаз ҳхы иархәаны, уажәшьҭа еихшьаала хәыҷык
ҟаҳҵап. Аматериалтә культурагьы, адоуҳатә культурагьы,
аҩбагьы рырҿиараҿы аҭыԥ дуӡӡа ааннакылоит ауаҩы дахьазхьуа аԥшӡара. Ус анакәха, ишԥаҟалари абас ихҳаркәшар?
Ашәҟәыҩҩы иҵгәо, икалам изыркуа, игәаҿы амца еиқәызҵо
амчқәа ируакуп аԥшӡара азгәаҳәра. Убри азыгәаҳәра шаҟа
имцаны ицроу, убриаҟара ауаҩы иуаҩра ицәдырӡуа, иԥшӡара
хызшьаауа аҭагылазаашьа аԥсахреи, ауаҩра зырхәашьуа
иҟазшьақәа иҟәыблаареи дырзықәԥаҩхоит.
Ҳаиҭахынҳәып ҳанҵамҭақәа злахацҳаркыз азҵаара ашҟа.
Дзыҩуазеи, мамзаргьы, даҽакала иаҳҳәозар, дзырҩуазеи
ашәҟәыҩҩы? Иазхома аԥшӡара азыгәҳәара ҳәа иаҳаԥшааз
аҭак? Убриак заҵәыкоума иҵгәо, дызмырҭынчуа, имца
еиқәызҵо? Ашәҟәыҩҩы дзырҩуазеи уҳәоу? Еиҭасҳәахуеит,
уара исаҳәа, ашьауардын зыԥыруа, ашәҭ зышәҭуа, амаӷ

ақәыцқәа залыҳәҳәо, нас сара иуасҳәап ашәҟәыҩҩы дзырҩуа,
асахьаҭыхҩы асахьақәа зҭихуа, акомпозитор ашәақәа
заԥиҵо. Иуасымҳәеи, ус аԥсабара дашеит, аԥсабара иднаҵаз
ҟаимҵар ԥсыхәа имам. Асеиԥш аҳәара, иахьиашақәоу
шыҟоугьы, ҳазҵаара харҭәааны аҭак азыҟаҵом. Ииашоуп, аԥсабара абаҩхатәра инамҭазар, егьа иҽишәаргьы, егьа
ҩымҭа еиқәырҽаҽаны, еиқәырчаҟәаны иҭижьыргьы, акгьы
изыҟаҵагәышьом, дзышәҟәыҩҩхом.
Абла ахьҭам — алабжыш заауам.
Агәаҟ дажәаҳәаҩуп.
Абаҩхатәра ԥсабарала зшьа-зда иалам, асахьаркыратә
ҩымҭа, ихы-игәы ирҭыҵны, инапқәа ирзыҩуам. Ус анакәха,
ашәҟәыҩҩы «Анцәа дыззылыԥхаз» иоума? Хымԥада! Ибзиоуп. Ҳақәшаҳаҭуп. Аха дызусҭада иара, Анцәа дыззылыԥхаз ҳәа
узҿу? Дарбану абаҩхатәра иашаҵәҟьа имоуп ҳәа иаҳаԥхьаӡо?
Уигьы аҭак аҟаҵара мариаӡоушәа убоит.
Аҳәатәы змоу, аҳәашьагьы здыруа. Уаҳа акгьы? Уаԥхьа
аҩымҭа, ҩ-зҵаарак уаԥхьа инықәыргыланы. Аҳәатәы имазма?
Аҳәашьа идыруама? Иҟоуҵаз аҭак ииасуеит ибаҩхатәрахь.
Аҳәатәы... Аҳәарҭа иоур, аҳәашьа дақәшәар, аԥсуа шәҟәыҩҩы
иаҟарагьы аҳәатәы змада. Кьыс змаӡам адәаӡа иаҩызаха
ишьҭоуп аҭоурыхтә тема. Изыхҟьазеи? Аԥсуа шәҟәыҩҩцәа
иаҳҵомызт ҳажәлар рҭоурых. Уаныхәыҷыз иудмырҵаз
уаныҩеидас иуцәыҵәахыз дыршьас иоуҭарызеи. Ауаатәыҩса
рҭоурых иадыруеит ҵҩа змам агыгшәыграқәа, иаҳҳәап,
ақәылаҩцәа жәларык рыԥсадгьыл ианалыхәдартәуаз, ԥхьаҟа
ԥеиԥш рымамкәа ианҭадыргылоз, аха, саӡәыкны, исыздыруам ҿырԥштәык, жәларык рҭоурых рымаркхьан, иахырбаахьан, ирҳәахьаны исмаҳац, хыԥхьаӡарала имаҷу ажәлар,
рҭоурыхгьы думзароуп, хыԥхьаӡарала шаҟа ирацәахо, иаҳаиаҳа идухо, иҵаулахо рҭоурыхгьы ҳәа. Узҭахым иуанеишьом
уҭоурых ду. Уи идыру усуп. Ҳҭоурых амдырроуп аҭоурыхтә
ҩымҭақәа рмаҷӡара зыхҟьазгьы. Усҟак хара ҳазцарызеи!
Шекспир икалам иаԥсаӡами аҵыхәтәантәи ҩышә шықәса
рыҩнуҵҟала аԥсуаа ирлахьынҵахаз. Аха ҳазҵаара аҭак
ҳазааигәахарц азыҳәан, ицәырымҵыр ауам даҽа зҵаарак.
Дызусҭада аҳәатәы имоуп ҳәа иҳаԥхьаӡо? Здырра ҵаулоу, зе-

илкаара дуу, ахаҳә еиҟәижәоит ҳәа ззырҳәо иоума? Ҳәарада,
адырра ҵаулада ԥсыхәа имам, ашәҟәыҩҩы иакәым, иара,
аҩымҭа иаԥхьо ихаҭагьы. Аха шаҟаҩы ахаҳә еиҟәыржәо
иҟәыӷақәаны, ашәҟәыҩҩра рыхгьы рыгәгьы иҭамкәа, ҭынч
адәы иқәузеи! Ус анакәха, уи иакәӡами?.. Издыруада, имоу
адырра, иеилкаара, ажәлар рдоуҳатә ҭоурыхтә ԥышәа ду
иара итәала дахәаԥшны, ас иҟан, аха абасалагьы шәахәаԥш
ҳәа иҳәарц згәы иҭазкыз иакәзар? Убри ашәҟәыҩҩы иакәзар
иззырҳәогьы ихатәы хәыцшьа имоуп, ихатәы бла ихоуп ҳәа?
Мамзаргьы, издыруада, ашәҟәыҩҩы зысабира изалымҵыз
ауаҩы иакәзар? Уи шԥеилкаатәу? Ажәлар рцәажәараҿы,
бжеиҳан, зысабира изалымҵыз ҳәа ауаҩы ианизырҳәа,
ицәаԥҽыганы, ауаҩы дланарҟәуа ауп ишырҳәо. Аха абри
ахшыҩҵак даҽакалагьы ауаҩы дазхәыцыр ҟалоит. Еиҳарак
ирыдкыланы иаҳҳәозар аҟазареи алитературеи рырҿиара
знапы алаку ауаа. Амра агылашьеи аҭашәашьеи инадыркны, ауаҩытәыҩса ихымҩаԥгашьа аҟынӡа, иара иаанӡа
даҽаӡәы имбацшәа, иҿыцӡа иаартуа, дунеи иҟамлаӡац
акеиԥш, иаарԥшны, излаҳамбаӡац ала ҳазырхәыцуа, ҳара
ҳазлашьцылахьоу, игәаҳамҭо ҳаҿаасҭарақәа абзиарақәа
ҳзырдыруа, убарҭқәа зегьы иара ишџьеишьо мацара «исабира уаҳа даалымҵӡакәа» зажәра инҭазгало иакәзар аҳәатәы
имоуп ҳәа ззырҳәо?
Абраҟа ҳазааигәахеит ашәҟәыҩҩы имца аибаркра иаҵасуа
даҽа ԥшак. Уи иарбану?
Ублала иубаз, улымҳала иуаҳаз, ибзианы иудыруа,
умҩашьахуа еилукааз ацәгьа-мыцәгьара угәы шунархьуа,
абзиареи ақьиареи агәеизҳара шунаҭо ауаа раҳәара азхьра.
Уи аҳәара ҵаҵӷәыс иамоуп абзиабара, абзиа азеиӷьшьара.
Ашәҟәыҩҩы ицәымӷу — ицәымӷҵәҟьазароуп, бзиа иибогьы
— ихы ақәиҵо бзиа ибозароуп, мап анакәха, дагьҩымкәадагьӡымкәа дықәхоит. Ауаа бзиа избо иоуп ргәырҩеи
ргәырӷьареи зҽалазырхәуа, ауаа рхьаа зхьаау иоуп ацәгьара
ҟалазар, аӡәыр иламыс дахысзар, уи аҩыза даҽазны
ишәмыхьын ҳәа раҳәара иазхьуа. Абри аҟны ашәҟәыҩҩы
ашьхыц деиԥшуп. Ашьхыц амацара заҵәык иԥыруа, еимдо ишдәықәу, ацха злыҵуа амати рацәаны иахьыҟоу

ианақәшәалак, иаразнак ашьхымзаҭраҿ иаакылсын, аҩызцәа
ацрыԥсса иаманы ицоит.
Ашәҟәыҩҩы иажәа еиҿкааны иҳәартә даныҩеидаслак
инаркны, иуаз ажәа аҳәара дналагоит, ишиҳәа-шиҳәо —
инарцәымҩа днықәлоит. Уи иҳәоит уара иуҳәашазгьы, аха
иузымҳәаз, сара исҳәашазгьы, аха зҳәашьа сақәымшәаз,
уи иҳәоит жәлары зегьы рҿахәы, шьаарҵәырала ихәаҽхаз
Лыхнытәи ақәгылара ашьҭахь, ажәа анирҭа иааԥымҵәаӡакәа,
амра аныҩагыла инаркны, амра нҭашәаанӡа ицәажәоз Шамы
Осман нхаҩыжәлар зегьы ирҳәашаз иараӡәк ишиҳәаз еиԥш.
Аԥхьаҩ, хымԥада, игәеиҭеит, даҽа хшыҩҵак хәыҷык
ахыркәшара ҳаҽшазааигәаҳтәыз. Ишԥаҟалари иаҳҳәаз абас
ихҳаркәшар? Ашәҟәыҩҩы дзырҩқәо ируакуп игәы иҭоу ахьаа
ауаа раҳәара. Иреимҳәар ԥсыхәа имоуа игәаҭеира. Ирҳәоит,
иагьиашоуп, ашәҟәыҩҩы ихала аанхара, аҽыԥхьакра бзиа
ибоит ҳәа. Уи иаанагом ауаа рцәыбналара, мамзаргьы, анцәа
иумҳәан, ауаа ицәымӷны рымԥан ақәымлара. Иҽыҵәахны,
уаҩы дахьимбо дтәаны, икалами, иқьаади, иареи анеизынхалак ауп ажәлари иареи иаҳагьы ианеицәажәо, игәҭыха, игәаҟра,
мамзаргьы игәырӷьара, иаҳагьы ианиҳәо. Иагьиашаҵәҟьаны,
ашәҟәыҩҩра иагьнасыԥ дууп, аха иагьлахьынҵацәгьароуп.
Ашәҟәыҩҩы ишәҟәыҩҩра шаҟа агәырӷьара изаанаго
инеиҳангьы агәаҟра дақәнаршәоит. Улашәызар еиӷьуп, убла
иабо, арахь...
Ҳазҵаара аҭак ҟаҵаны ҳалгама? Ҳалга акәым, аҭак
ҟаҵашьа аманы иҟоума? Изыршәҭуазеи ашәҭ? — Амра
каԥхара. Иҭазырбозеи аӡиас? — иӡыҭны инҵәар анаҟәоуқәа.
Иарбану ашәҟәыҩҩы изыҳәан имра каԥхароу, иарбану
инаҟәоу? Хыхь иаҳҳәаз раамышьҭахь, иҵегь акыр ыҟоума?
Ажәытәан, аԥсуаа ҳҿы ҵас бзиак ыҟан. Арԥызба бзиа дибар
аԥҳәызба, ардәынак аакны, ашәч иагәылартәаны, аҳамҭақәа
нацҵаны, бзиа иибаз аԥҳәызба илзынаиҭиуан. Даҽакала
аҳәашьа издыруамызт игәырӷьара, ибзиабара. Ашәҟәыҩҩра
абаҟаз! Иаҵанакуаз зегьы уажәы аиҭаҳәара ҳзалагом, еилкаан акы — арԥыс инаиҭиз асалам шәҟәы иаҩызан. Убасҟан
уи игәҭыха ақьаад ианҵаны, ибзиабара шәҟәы-быӷьшәыла
ишьҭыхны изыркыз, адунеи иқәу зегьы реиҳа, дышәҟәыҩҩы

дуны диԥхьаӡон. Уара иулшао, ашәҟәыҩҩы ҳәа ухы
уԥхьаӡозар, реиҳа абзиабара ӷәӷәа злоу, аха зҿала иззымҳәо
игәҭыха аиҭаҳәара, ибзиабара аарԥшра. Адунеихаангьы
иузаарԥшуам, абзиабара иашаҵәҟьа зыхьӡу ԥумшәацзар, иухумгацзар уара ухаҭа. Уара иулшом уи ицгәырӷьара, ицгәаҟра.
Игәырӷьо ицгәырӷьара иаҳа имариоуп, игәырҩо ицгәырҩара
аҵкыс. Убри азыҳәаноуп аԥсуаа изырҳәаз зԥа дымԥсыц, уԥа
диумырҵәыуан ҳәа. Уи иаанагозеи? Аӡәыр игәрҩа аилкаара
даҽаӡәы убасҟак ицәыцәгьоуп ҳәоуп. Жәлар рхьаа ихатәы
хьааны иамыргәаҟыз, ицәажәашьа ахьыԥшӡоу азыҳәан
мацара дҿахәҳәаҩуп ҳәа изуҳәар ауама? Ишԥаҟалари,
абаҩхатәра имоуп ҳәа иаҳаԥхьаӡо ашәҟәыҩҩы абри иоуп
ҳәа ҳҳәар: абаҩхатәра злоу ашәҟәыҩҩы даҽаӡәы игәырӷьара
иаргьы убасҟак деигәырӷьоит, иара ихатәызар еиԥшҵәҟьа,
даҽаӡәы игәырҩагьы убасҟак игәаҵәахы иҭижьуеит, анаԥшҩы
изеилымкаартә руа дарбану ииашаҵәҟьаны уи агәырҩа
иақәшәаз, ҳара иҳазҳәаз иакәу мамзаргьы изхиҳәааз
иакәу. Абри ахшыҩҵак ҳақәшаҳаҭхар, абас ихҳаркәшап:
ашәҟәыҩҩы дзырҩуа, имца еиқәызҵо амчқәа ируакуп ауаҩы
ицгәырӷьара, ицгәырҩара. Убри аҟнытә, саӡәыкны, акрааҵуеит
хшыҩеилкаарак сазкылсижьҭеи. Адоуҳатә рҿиамҭақәа
рҽыршоит ҩбаны, хьаа-баа змам иаԥырҵази, гәыла-ԥсыла
игәҳәуаз идырҿиази. Руак иахьӡуп амеркантилизм, егьи —
алитература. Уи идыру усуп. Аха абраҟа сазааҭгыларц сҭахуп
ашәҟәыҩҩраҿы иҟоу рыцҳарак. Аӡәы, иаҳҳәап, уасҭас ихы
иԥхьаӡан, аҩны иргыларц иҽазикит. Аџь, ахьа, аԥса уҳәа ҵлас
ииҭаххашаз зегьы ԥҟаны еилаижьит. Ақьырсҭа ицәын — икьынаахеит, алартҟа ицәын — ихәахәахеит, аҟауар измыршьеит,
ахаҳәҵәаҳә изеибамыркит. Мамзаргьы, иаҳҳәап, ажьиҩы аҽы
ашьапы ачаԥашьа изымдыруазар, аҵәымаӷқәа иахьрыхәҭам
иалаиҵазар, аҽы шьаҿақәак ҟанаҵаанӡа, ацыркьра иалагоит,
аҽеимаақәа аҵхтәхоит. Арҭ аҩыџьегьы рнапы зларкыз аус дара
ишрыцәтәыму, ишрылымшо аргамаду ирбоит, анаԥшцәагьы
ирзымариоуп раҳәара. Ус иҟагәышьам ашәҟәыҩҩра. Уи
даараӡа ауаҩы дызжьо ҟазароуп. Шаҟаҩы ҳгәы ҳажьауазеи!..
Уаԥхьеит аҩымҭа. Иаҳҳәап, ажәеинрааланы иҩуп
иара. Арифмақәа еиқәшәоит, аритмгьы иашоуп, аханатә

ишьҭихыз ашәагазага ааиламгаӡакәа инаигӡеит автор. Уимоу,
ахшыҩҵакгьы ыҟоуп. Уаԥхьеит, зегьы ыҟоушәа иҟоуп, арахь
иҟам ажәеинраала. Иҟалазеи? Уеиҭаԥхьоит. Уазхәыцуеит. Автор иагузеи ҳәа дуазҵаар, аҳәара уцәыуадаҩуп. Арахь иауам, угәаҵахь инеиуам. Угәахьы инеиуам, избанзар агәахьы
инеиуа ажәақәа даҽа гәаҵак иҭыҵыз роуп. Ауасҭеи ажьиҩи,
ишысҳәаз еиԥш, рнапкымҭақәа гәаҭаны, изҿу аус дара ирусу-ирусму раҳәара мариоуп,ибзамыҟәӡамзар, рхаҭақәагьы
ирбап. Ашәҟәыҩҩра знапы алаку даҟәыҵру-даҟәымҵру, шамаха, ихаҭа изеилкаагәышьом. Зхы зжьо «насыԥ» имоуп,
ирыцҳау «иржьо» иоуп. Ажәа «иржьо» ахыц изҭаскыз уиоуп, цасҳәа иржьо иакәым, дшыржьо дызжьо рхаҭақәагьы
ирзымдырӡо иржьо иоуп сызҿу. Абаҩхатәра ду ҳамоуп,
шәҟәыҩҩцәа бзиақәаҵәҟьоуп ҳәа агәра мгашьас ирымаз Белински дуӡӡа аҽхәаԥхьыӡқәа ззиҳәоз, аха ианиз ашәышықәса
нҵәаанӡагьы зыхьӡ нкабаз шәҟәыҩҩцәақәак. Ирацәоуп даҽа
ҿырԥштәқәакгьы. Иахааныз аԥхьаҩцәагьы, акритикцәагьы
дзыԥсаз, дызусҭаз рзымдырӡакәа, дрызгәамҭаӡакәа (иаҳҳәап,
Стендаль иаан ишрыхьыз еиԥш) имҩасыз, аха ашьҭахь,
акыр шықәса анҵы, зымца ԥхарра гәарҭаз. Абас зыхә ашьара (зхы ахә ашьарагьы) уадаҩӡоу, азыӡырҩраан, лымҳала
аҵкыс, гәлымҳала иаҳа иззыӡырҩлатәу, аԥхьараан ахшыҩи
агәҟәышреи еиҳарак иахьеицныҟәалаша доуҳатә рҿиамҭоуп
асахьаркыратә литература.
Ҳаиҭахынҳәып ҳазҵаара ахь. Дзырҩуазеи ашәҟәыҩҩы?
Дышԥалагеи, дзалагазеи ашәҟәыҩҩра?
Иаҳҳәап, уи даналагоз дқәыԥшӡан. Уа мшыбзиа ҳәа адунеи дналагылеит. Иблақәа ҿыц ихитит, илаԥш ҵаруп, ихшыҩ
ҿыцуп. Ишьа еилашуеит. Абзиара, аԥшӡара анибалак, иара
иаанӡа уаҩԥсы имбаӡацызшәа деигәырӷьоит. Ацәгьара анибалак, иара иаанӡа уи аҩыза аӡәгьы данымиацшәа, итрагедианы идикылоит, иԥсахы ԥнажәоит. Зны иахьыхьшәашәо, ҽазны
иахьԥхо иабзоураны аҵиаа злиааз адгьыл даҩызаха, уи иеилашра иахылҵуеит ҩымҭак, мамзаргьы шәҟәык. Иҟалоит,
ииашаҵәҟьаны, аҩымҭа бзиа анаԥиҵогьы, аха бжеиҳан, иқәра
иаԥшны, иаԥхьаҟа иқәгәыӷны аҽхәаԥхьыӡқәа неизыркуеит,
ицхраауеит, иҵгәоит. Аамҭа цоит. Уинахысоуп иус аныцәгьахо,

данԥышәахо. Ԥсабарала абаҩхатәра илазар — алашә ииҭаху
ҩ-блакы. Аха ԥсабарала абаҩхатәра иламзар, еиҳа-еиҳа
деихәлацәоит аҵгәацәа змаз, изықәгәыӷуаз ашәҟәыҩҩы
қәыԥш. Ихатәгьы идыруеит, даҽаӡәы итәгьы идыруеит ззырҳәо
иакәзар — ииашаӡамыз, иара иитәымыз амҩа дшанылаз еилкааны, ихала ашәҟәыҩҩра даҟәыҵуеит. Иаргьы изеиӷьхоит,
аԥхьаҩцәагьы ирзеиӷьхоит. Дышқәыԥшӡаз аҩра иалагаз, нас
иаалырҟьаны зкалам казыршәыз аӡәы, сзырхәыцшаз ажәак
сеиҳәеит, ашәҟәыҩра узаҟәыҵызеи ҳәа санизҵаа:
— Сара ажәа сахьарк, ашәҟәҩыра убасҟак ҳаҭыр ақәысҵоит,
игәаӷьны сҩымҭақәа уи исзаламҵартә. Абзиа шысзымыҩуа
сымҩашьахуа избеит, ацәышҳабиқәа ҩны, алитература
архәашьра схы исзаҭәамшьеит, аҩра саҟәыҵит алитература
аҳаҭыраз, узыхшаз уаб, уаҩԥсы бзиак, ицәа шԥуҽуа удыруазар, иҩны анеира ушаҟәыҵуа еиԥш.
—Уажәақәа, сахьаркыратә ҩымҭа бзиак еиԥш, алитератураҿ
реиқәырхара иаԥсоуп, — сҳәеит.
Аха иҟоуп даҽа џьоукы. Ихы изымдрит. Даҟәымҵит ашә­
ҟәы­ҩҩра. Иахьатәи амш иақәнагахаша темак аашьҭихуеит,
иҩны инықәиҵоит. Иҭумыжьын, агәы умазар. Изгәаламшәода
алитератураҿы иҿыцу тема шыҟам, иҿыцу — аҳәашьа
акәгәышьоуп, иҿыцу — ахатәы интонациоуп, ахатәы блоуп, ахатәы гәеисроуп. Дышнеи-шнеиуа — уи, абаҩхатәрада,
иаармарианы маҵура ӷәӷәак дҩахагылоит, избанзар шаҟа
дбаҩхатәрадоу, убасҟак дыԥштәыдоуп, дқьа­қьаҩуп, ихыхь
иҟоу иҿы иааҭшәо, иҵаҟа игылоу дашьуазаргьы, алеиԥси рыла инаигӡоит, избанзар ишьҭахьҟа царҭа имаӡам.
Алитература бӷалеи ҟәардәлеи иузыҟаҵом, алитература
баҩхатәрала, хыла-хшыҩла, ламысла ада рҿиашьа амам.
Еиҳарак дзырҩуазеи ибаҩхатәрадоу ашәҟәыҩҩы? Амеркантилизм мацароума? Мап. Иҟоуп аҵкыс еицәоу даҽакгьы. Ахьӡаԥша. Ма ламысдарас иҟоу зегьы ихы иархәаны, иааимоургьы имуа, мчыла дазықәԥоит ахьӡ-аԥша. Аха иара, ахьӡ-аԥша
мцахәмыцәа, убасҟак зырҳара уадаҩу, ицәаӡыӡо шәарахуп,
шаҟа мчыла иумпыҵаурӷәӷәарц уалаго, иаҳагьы иумпыҵҟьоит.
Уда ԥсыхәа сымам ҳәа уахьынҳалар, аҵыс ԥшқеи асабии шәырҩызахоит. Асаби, деигәырӷьаҵәа, инапаҿы иаа-

никылоит аҵыс ԥшқа. Импыҵыԥрааны ицар ҳәа дшәаны,
ишимпыҵаирӷәӷәо мацара, изгәамҭаӡакәа, аҵыс ԥшқа аԥсы
ааҭихуеит. Ус анакәха, ашәҟәыҩҩы иашаҵәҟьа, амеркантилизм
икалам шинамыркуа еиԥш, хьӡи-ԥшеи сырҳап ҳәа ишьҭихуам
икалам. Нас иарбану, хыхь иаҳҳәаз раамышьҭахь иҵегьы
игәаҵа амца ҭазҵозеи, акалам изыркуазеи? Аиҿырԥшра
иҟаҳҵаз маҷк иааҳартып. Арыцқәа рыхәлаԥсоит аӡлагара
алуқәа. Ицҳафыруа иҟоу алуқәа — урҭ арыцқәа рлагоит.
Идыргәӡоит. Ауаа ирфартә иҟаҵаны, ишылаха ирыхәлыҵуеит.
Еиԥшыстәуаны акәым, аха уеизгьы убарҭ, аӡлагара алуқәа
урызхәыцыр, ашәҟәыҩҩы дахьугәаланаршәақәо рацәоуп.
Аџьықәреи рыцқәа рыҿҳарԥшып жәлары рхы-рыхшыҩаҿ иҟоу
аидеиақәа, агәаанагарақәа, ахшыҩҵакқәа. Убарҭ аидеиақәа,
агәаанагарақәа, ахшыҩҵакқәа, алуқәа ишрыхәлаԥсо еиԥш
аџьықәреи рыцқәа, ихы-игәы иҭалоит, игәаҵа дырҭәуеит
ашәҟәыҩҩы. Уаҟа иара «илагоит», иаҳагьы ирҵаруеит, нас
арыцқәа лаганы ишрыхәлыҵуа еиԥш алуқәа, жәлар рҿынтә
ихы-игәы иҭалаз ахшыҩҵакқәа, агәаанагарақәа, аидеиақәа
абырҵкал икылхны, исахьаркны, изҭаз ажәлар рышҟа
ирхынҳәуеит. Даараӡа, иҿыцны исҳәеит ҳәа ииԥхьаӡогьы,
иара иҳәаанӡа, ажәлар рҿы иихьан, амала, иҟаларын, иара
ишиҳәаз еиԥш, аҳәашьа дақәымшәацызҭгьы аӡәгьы. Абраҟа
зегьы раԥхьаӡа иргылатәхоит абызшәа. Ухатәы бызшәа бзиа
абареи адырреи, ужәлар гәакьа бзиа рбареи рдырреи, жьи
наԥхи реиԥш еидҳәалоуп, еиларсуп, руак угәаҿы ианԥсы,
егьи ӷьацашьа амам. Иара усгьы збызшәа зцәыӡыз амилаҭ,
ирцәыӡит зегьы. Асахьаркыратә литература змамыз, уи шаҟа
амҩа иқәыз, аха уаҟа инеины, ироуны, ишшьҭамырӡгаз,
ишкәылӡыз
рзеилымкаакәа
изымпыҵаӡыз,
зыхшара
зҵызшьааз, иҩызахоит, иқәӡаауеит.
Ирҳәоит, ажәытәанӡа скульпторк иазҵаазаап, излаҟауҵазеи
абри аҩыза аскульптура бзиа ҳәа. Аҳаш (амармалташь) ду кажьын, снадгылан, имыцхәны иамақәаз анаамысх, абри ижәбо
алҵит иҳәазаап. Изхысҳәаауа, жәлары бзиа ибаны ирыдыркылаз, иреиӷьу ашәҟәы азыҳәангьы, убри аскульптор ииҳәаз
иҳәар ҟалоит ашәҟәыҩҩы. Убас жәлары ргәы иҭаз, жәлары
иртәны ирыдыркылахьаз, иаарҳәны, иаҳагьы еиӷьтәны

жәлары ирызҭаз иоуп жәлары рылԥха иманы, дара дыртәны
ирыдыркылаз ашәҟәыҩҩгьы.
Аԥсҭазаара адырроу? Аматериалу? Аԥсҭазаара рымба­
цкәа, мамзаргьы аԥсҭазаараҿ иҟоу аиаша ахьырзымдыруа акәӡам шьоукы-шьоукы ашәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәа
зырԥсыҽуа. Ҳазлагылоу аԥсҭазара инарҵауланы еснагь анализ ҟаҳҵартә, зегьрыла инарҳәы-аарҳәуа, еиҿыршәшәаны
ҳахәаԥшыртә адырра ҳамагәышьам, ҳаҩнуҵҟатәи акультура
усҟак иҳаракгәышьам. Убраҟа инацҵа аԥсуа шәҟәыҩҩцәа
рҭагылазаашьа ҷыда. Рҭәымҭа иахьынӡаҭагылоу, реиҳа акы
аныҟарҵаша, урҭ еиларыгӡалароуп амаҵуреи ашәҟәыҩҩреи.
Ашәҟәҩыра аамышьҭахьгьы, иҟаҵатәу рацәахеит. Абарҭқәа
ирыхҟьаны, аԥсабара дшаны адәы дыззықәнаҵаз, ашәҟәҩыра,
бжеиҳан, ҽхьынҳәалак иаҩызахоит, хоббихоит. Урҭқәа зегьы
даҽа темоуп, ҷыдала ацәажәара зҭаху роуп. Ҳазлацәажәо иарбаныз? Аматериал. Аматериали ашәҟәыҩҩреи убас еизыҟоуп,
ишеизыҟоу еиԥш ауаҩи аӡи. Ӡыда дхәарҭам ауаҩы, аха амцхә
иҿаҵәар, иԥсы ааҭнахуеит.
Абаҩхатәра насыԥу мамзаргьы гәаҟроу? Исыздыруам. Амала издыруа, абаҩхатәра — милаҭтә малуп. Иахӡыӡаалатәуп.
Ҳаҭыр ақәҵалатәуп. Ԥсабарала абаҩхатәра зауз ауаҩы,
жәлары рҿаԥхьа ауалԥшьа ду шиду еиԥш, дара, ажәларгьы,
убри абаҩхатәра ахьчара, аизырҳара, амҩа аҭара уалԥшьаны
ирыдуп.
Акырынтә игәасҭахьеит, абнаҿы ишшәырӡа ҵиаак ҩагылар,
ақәыцқәа рылыҳәҳәо, инахаԥаны иркуеит амаӷқәа. Ус анакәха,
гәыжьжьагас, ҿырԥштәыс абаҩхатәра иазыҟалааит аӡыхь. Уи
адунеи лашара ашҟа ицәырҵырц азыҳәан амҩа шаҟа ихароу,
шаҟа иуадаҩу, иара иаҳагьы ицқьахоит. Знык ианызхәыҵыҵ,
ашьҭыбжь мырдукәа, ахәхәаҳәа аҿыҩанахоит. Абзиара
убасҟак идууп, ихыҭҟьагоу арҩашқәа ираҩсуеит. Иԥсхаҵагоуп,
ихааӡагоуп. Ирымҟьашьааит анапы хәымгақәа. Еимармыԥсааит.
Иҟанаҵо абзиара аҭакс уаҳа акгьы аҭахым иара ахазы. Ауаа
ргәахы ҵааршәхо ианыхьҭоу, иара ҟәандаӡа, амра ԥсҭыхгаха
ианкашуа, иара хьшәашәаӡа иҵхәраа иаалоит.
Аԥсабара «иаӡбаз», иарҿиаз аџьашьахәы-ссирқәа зегьы дырхыҳәҳәо дырхагылоуп ауаҩы. Ԥсы зхоу рахьтә

уиаӡәк иоуп аҭоурыхтә гәынкылара змоу, дызҭагылоу иаамҭа
анализ азызуа, ԥхьаҟа ҳәа ихәыцуа, изылшо агәырӷьара
змоу ицгәырӷьара, агәырҩа змоу ицгәырҩара, хшыҩла
аԥсабара ахаҭа аиканра, акосмос ахь ахалара. Ауаатәыҩса
ирхылҵит Шекспир, Микеланџьело, Бетховен, Толстои.
Урҭ уанрызхәыцлак, уизгәдууеит ауаҩы, уеигәырӷьоит
ухаҭагьы ауаатәыҩса уахьырхыԥхьаӡалоу. Аха уи иунаҭо
амҵәыжәҩақәа ушдырԥыруа, рҟырбжьы уаҳауа иалагоит алаҳәа мымиқәарақәа, рынаурқәа цәырҵуеит уаҩԥсы
имеигӡоз римтәи ацезарцәа. Урҭ шаҟаҩы! Урҭгьы ауаатәыҩса
рыӷра иҭшеит. Идам-здам даҽакы ишалымшо еиԥш ауаҩы
илшо аицгәырӷьара, аицгәырҩара, убас даҽакы иалшом
ауаҩытәыҩса иаҟара агыгшәыгра, агәымбылџьбарара, ихыдароу аус аҟаҵара. Убарҭқәа убла ианаахгылалак, зны-зынла,
ауаатәыҩса уахьырхыԥхьаӡалоу уацәыԥхашьоит, гәырҩа
хьанҭала уазхәыцуеит, изакәызеи уи, аԥсабара ауаҩы инаҭаз
— ахшыҩ, данаиаа рҳамҭа иаҩызоума, аԥсабара ихыччама,
мамзаргьы францыз шәҟәыҩҩык иҳәан еиԥш, аԥсабара ахаҭа
аҽықәнахырц иаӡбоу ауаҩытәыҩса ихшыҩ? Нарҭ Сасрыҟәа
анцәа ицәганы амца риҭеит ауаатәыҩса. Анцәеи иареи аимак анроу: «Рхы злақәырхыша руҭеит. Урҭ ирылшом амца
аҳәынҷара, иабылуеит», — иҳәоит анцәа. Ажәа «амца» аҭыԥан
иҳаргылар «ахшыҩ», ҳҿаԥхьа иаацәырҵуеит ҳзыргачамкыша
асахьа. Аҽыццышә дақәыртәаны аӷәра зымпыҵырхыз
диеиԥшхама ахшыҩ зырҭаз? Абарҭқәа рзыҳәан ауп, хымԥада,
аҩажәатәи ашәышықәсазтәи ашәҟәыҩҩы ду изиҳәаз: «Я писал и продолжаю писать потому, что жизнь терзает мне сердце так сильно, что мне хочется избавиться от мучения — тогда
я сажусь и изливаю свою боль на бумаге» (У. Фолкнер). Сгәы
иҭиҳәааит. Абраҟа иаацәырҵуеит алитература, ажәа сахьарк
ауалԥшьақәа иреиҳау — ахдырраҿ аиааира аргара ахшыҩ,
алашьцара аҵкыс ииааирц алашара, ажәакала, аламысдара
аҵкыс аламыс цқьа, аламыс иаша аиааира агарц ақәԥара.
Ҳцәажәара злахацҳаркыз азҵаара ашҟа ҳаиҭахынҳәыхып.
Макьана ҳаԥырҵрым хыхь иҟаҳҵаз аиҿырԥшра. Аџьықәреи
рыцқәа рлагоит аӡлагара алуқәа. Аха изыргьежьуазеи
дара, алуқәа рхаҭақәа? Ҳәарада, аеҳәа ианҵәрааны инеи-

уа, аӡлагара аԥарԥалқәа ирысуа аӡиасоуп. Нас ашәҟәыҩҩы
«иӡлагара» зыргьежьуа, имгьежьыр амуа, иарбан ӡиасу иҵасуа?
Иҳаԥшаарц ҳҽыззаҳкыз, иаҳҳәашәа иҟаҳҵаз аҭакқәа азхом.
Еиҭацәырҵхуеит азҵаарақәа. Дыззыгәҳәуазеи, дыззгәаҟуазеи
ашәҟәыҩҩы? Хьаас имоузеи, дызмырҭынчуазеи? Адунеиаҿ
агармониа ҟаларц дашьҭазар? Дызхаанызгьы дызхаанымызгьы шаҳаҭра рзиурц азыҳәан дҩуазар? Издыруада,
иԥсадгьыли ижәлари рҿаԥхьа уалԥшьак ашәара дамырҭынчуа
дизар? Ақьиареи ацәгьареи иреибафарҭахазар иара игәаҵа?
Аиашамрақәа дырбылуазар? Ажәеи ауси шеиқәымшәо анибалак дархагозар? Иарбан усзаалак зегь рҿы, егьырҭ ауаа
раасҭа, иара, ашәҟәыҩҩы, иаҳа ибаларц, иаҳа иҵарны
ицәа ианырларц, иаҳа еиҿкаангьы иҳәарц азыҳәан акәзар,
аӡәырҩы дрылкааны, ҳамҭа дуӡӡак еиԥш, аԥсабара изинаҭаз
абаҩхатәра? Мамзаргьы, издыруада, ашәҟәҩҩра, қәԥагас
бџьарзар? Ихаҭара, иуаҩра ашьақәырӷәӷәагас имазар
ашәҟәыҩҩы ашәҟәыҩҩра? Шаҟаҩы ашәҟәыҩҩцәа ыҟоу,
убриаҟара еиԥшымзар иҟарҵо аҭакқәагьы?
Азҵаарақәа, ҵыхәаԥҵәарада азҵаарақәа...
Реиҳа иуадаҩқәоу ируакуп даҽакгьы. Иуҳәарц иуҭаху, зышҟа
унеиуа арҩаш ашьҭыбжь харантәи иануаҳауа еиԥш, иуаҳауеит
иаҵыҩуа амелодиа, уимоу, персонажқәакгьы «аицәажәара»
иалагахьеит. Ируам ақьаад ашҟа имиасыр. Уалгеит ианҵаны,
иуҭеит аԥхьаҩ. Уинахыс уара иуцәыхарахеит, шәеиԥырҵит.
Аамҭа набжьысит. Ҽнак иаашьҭыхны уеиҭанаԥхьеит. Убасҟан
иубоит иуҳәарц иуҭахыз ишуҭахыҵәҟьаз ишҳәам. Иаанхоит акы заҵәык — еиҭа рыхәаԥшра, ажәақәак еиҭа абырҵкал
ркылхра, ҳәоуқәак рырҽеира. Иахьынӡасылшоз убас рызууп
абри ашәҟәы еиднакылаз аҩымҭақәа.
1970–1986

АПОВЕСТҚӘА

АҚӘЫЏЬМА- ҞЬАЛА АХЫНҲӘРА
Сасрыҟәа
Уара қәыџьмажә, иахьа абзиара сзууит.
Узхара акәац ыф, узхара сшьа ыжә!
Ақәыџьма
Ушьа зжәырц, ужьы сфарц смааит сара,
Акы сухәарц ауп сзааиз иахьа абра!
А жәл а р рҳә амҭ ах ьт ә

Иаалырҟьаны ақыҭа иналаҩит Ақәыџьма-ҟьала хынҳәит,
ԥаса аҵкысгьы еицәаханы ижьышоит, ԥстәыз, ԥсаатәыз,
иаамԥыхьашәаз акгьы иаҩсуам, иазыфо афоит, иазымфогьы
гәаӷшақә ишьны иканажьуеит ҳәа. Сыԥса тҟәацрак иаҩызаха,
избазгьы, изымбазгьы, аԥхасҭа знаҭазгьы, ԥшь-шьапык зҵоу
ҳаиуанк ззанӡамызгьы, инеимырҟьо уи аӡбахә акәын ирҳәоз.
Аӡәи-аӡәи ирҳәоз неицыло, акәараҷҷақәа неилаҭәо иа­
ныр­ҩашхо еиԥш, уи ажәабжь убасҟак игәыҭҟьагахеит, амра
нҭашәар, ақыҭа аҵыхәан, ашьха ашьапахьы иадыз аҳаблаҿы
ахәыҷқәа ашҭа иҭырмыжьуа, аџьмаҭрақәеи асарҭрақәеи
рааигәара амцақәа еиқәырҵо иалагеит. Иҟанамҵаз
ацәгьарақәа шырҳәозгьы, ииашаны иҟанаҵақәаҵәҟьазгьы
рацәан.
Ақәыџьмақәа рҟазшьа, рхымҩаԥгашьа, рҵасқәа бзианы
издыруаз ахьшьцәа дуқәагьы иахырҳәаара рыздыруамызт.
Иҟанаҵоз џьаршьон.
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 02
  • Büleklär
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3267
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2161
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3271
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2108
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3269
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2110
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3131
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2175
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3330
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2088
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3365
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2128
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3286
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2227
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3331
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2321
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3210
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2324
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3293
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2119
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3221
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2117
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3292
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2326
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3399
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2284
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3360
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2286
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3312
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2259
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3301
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2194
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3279
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2266
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3327
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2274
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 19
    Süzlärneñ gomumi sanı 3319
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2320
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 20
    Süzlärneñ gomumi sanı 3328
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2244
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 21
    Süzlärneñ gomumi sanı 3373
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2167
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 22
    Süzlärneñ gomumi sanı 3378
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2234
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 23
    Süzlärneñ gomumi sanı 3395
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2263
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 24
    Süzlärneñ gomumi sanı 3328
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2222
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 25
    Süzlärneñ gomumi sanı 3348
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2223
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 26
    Süzlärneñ gomumi sanı 3322
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2184
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 27
    Süzlärneñ gomumi sanı 3241
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2149
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 28
    Süzlärneñ gomumi sanı 3286
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2226
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 29
    Süzlärneñ gomumi sanı 3337
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2041
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 30
    Süzlärneñ gomumi sanı 3341
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2012
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 31
    Süzlärneñ gomumi sanı 3303
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2106
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 32
    Süzlärneñ gomumi sanı 3375
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2108
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 33
    Süzlärneñ gomumi sanı 3391
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2245
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 34
    Süzlärneñ gomumi sanı 3314
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2125
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 35
    Süzlärneñ gomumi sanı 3309
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2050
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 36
    Süzlärneñ gomumi sanı 3332
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2028
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 37
    Süzlärneñ gomumi sanı 3258
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2147
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 38
    Süzlärneñ gomumi sanı 1886
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1202