LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 37
Süzlärneñ gomumi sanı 3258
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2147
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
ақалақь дуқәа рахь. Ҵыхәаԥҵәарада ауаа ахьрыхәаԥшлаша.
Убри азыҳәан аҭра ихихит абригьы. Азҳашьа игәаԥхан иааникылеит ихазы. Иаргьы иман ахәыҷқәа, уи еигәырӷьауаз.
Агәылацәа, адырцәа, иџьашьауа иахәаԥшлашаз.
Аҟәарҭқәа зҵаркуа агәаџьеиԥш, изҭакыз ашыш иалԥшны
иахьынаԥшуаз абла иаахгылон ауаа зыҩназ аҩнқәа, арахә
зықәҳәуаз адәқәа, абнара аԥсаатә ахьылаҷырҷыруаз.
Иабаҟоу, аблақәа анаахнат, иӷьазӷьазуа изҿаԥшыз ахрақәа,
аҭра ахы хырҳәҳәан — иууаӡа, ҵа амаӡамкәа изҭаԥшуаз
аиҩхаақәа! Аԥсахы еибакра иацнаҵон аарла ажәҩан
иаҵнабаауа ан шыԥырлоз анагәалашәалак. Араҟагьы иабоит аԥсаатәқәа, аха арҭ ԥыруеит, адгьыл афҩы рҿамсуа
иҳаракхар рыхлахаҵ гьежьуашәа, илаҟәӡаны. «Иоурымашь
сыбаандаҩра ҵыхәаԥҵәарак?! О, блеихаҟәысрак иадамхаргьы
изыԥсоузеи ахақәиҭра! Амацәыс саҩызаха ажәҩан агәышҵа
еимсырҟьарын, нас сцарын сышьха гәакьақәа рахь. Убрахь,
ԥсадгьылс иахьрымоу сара сшьа зшьоу, сымҵәыжәҩақәа
зымҵәыжәҩоу!»
Ишымгәыӷӡоз ҽнак ашьжьымҭан изҭакыз аҭра ашә аадыртит, ашьапы аҷапырхәа ахаҵаны адгьыл инықәдыртәеит,
гәмырҿыӷьгас измаз ашәарыцаҩ ихәыҷқәа. Усҟан ишазҳара
иазҳахьан, ишыӷәӷәахара иӷәӷәахахьан амцәыжәҩақәа.
Агәра ргахьан ауаа, иамбацт, егьаздыруам ҳәа ажәҩан
ҵамҵамра. Ирхашҭхьан изыжәлаз. Аблақәа камкамуа, ац ду
ырхәаны ахәыҷқәа ааимданы инарыхәаԥшит. «Абыржәоуп,
абыржәы!» Амҵәыжәҩақәа наднарӷәӷәалеит. Иҵымҵымит
агәаӷ зхылаз аблақәа. Еилашит агәаҿы адаракәац ршьа.
Иаҩызахеит аԥшатлакә хлымӡаах. Еибархьусууит ашәарыцаҩ
ихәыҷқәа. Ашьапы иаркыз аҷапырхәа аурмыжьыр иханагалон ажәҩан ахь дара рхаҭақәагьы. Имаџьар харшаланы днаҵаххит ашәарыцаҩ. Усҟан ашьауардын аԥҭақәа
ирзааигәахахьан.
— Ҳа-ҳа-ҳа! — хыччара ччаԥшьла дааччеит ашәарыцаҩ. —
Сеилазгазеи, ашәақь шьҭԥаауа? Уабанӡазцои?! Уԥырла мышкы, ҩымш, аха ианбанӡаузхари ашьжьымҭан иуҿасҵаз! Амла
угәахы ҿкааны, аҵәарҭ еиԥш, сшьапаҿы уканаршәып!
Ажәҩан ахаҭа бзиабарала иагәыҵанаҳәҳәеит ашьауардын.
Амҵәыжәҩа дуқәа ирыҵаҽырбо, ицон уи амра ашәахәақәа
иҵегь иааигәаны ирԥыларц. Адгьыл иқәсны иахьцоз агага,
ацәгьа-мыцәгьақәа, аҳәазақәа игәыҭҟьаганы ирзыҟалеит. О,
шаҟа игәышьҭыхганы, шаҟа иԥшӡаны ажәҩан иаҵааз ашьауардын! Абас иахнагон хақәиҭрала иҭәыз амшқәа. Реиҳа
иахьыҳараку ахра ахаҩаӡараҿ инықәтәон, алашьцара
ажәҩани иареи анааиҟәнаҭхалак.
Ианбанӡачҳауаз! Агәахы ҿнакaaya иалагеит амла.
Иагәалашәон иԥшқаӡа аҭра ианыхтәалаз ан иазаанагоз
афатәқәа. Алаԥш ҵары адәқәа ирхьыгӡауа ажәҩан инаҵалеит.
Абар, ашьацра илатәаны аҳәра иаҿуп, алымҳақәа кьацәкьацәӡа ажьа. Ашьапхыцқәа ааханаршалеит, амҵәыжәҩақәа
неиднаԥсалеит. Иҭалеит ахәымпал еиԥш икәалаауа. Атазҳәа
агәышԥы адгьыл иҩаахеит. Ахәачара инхәыҵашәкәа ицеит
ажьа. Амҵәыжәҩақәа адԥыҵәҵәаларц акы аагымхеит ашьауардын. Иҩышьҭыԥраан еиҭа ажәҩан инаҵалеит, алаԥш адгьыл
иаҟәымҭхауа. Даҽазныкгьы иабахит ажьа, иабеит абгахәыҷгьы.
Даҽа знык агәра агеит ишазымкуаз. Адәы шшапара иқәланы
инеиуаз аҳәынаԥҵәҟьа иара азыҳәан иԥшатлакәхеит. Ицахьан аамҭа урҭ ркышьа анаҵашаз. Акырӡа икьасаны иаиуит
ашьауардын ахақәиҭра!
Аҽарӷәӷәон амла мыжда. Имаҷхон ашьауардын амҵәы
жәҩақәа рымч. Игәыԥжәагаха абла иаахгылон ихахаӡа
ишышны изҭакыз акәыцҳа, иҽыҭҳа-ҽыҭҳаӡа ашәарыцаҩ
иамҵеиҵалоз акәац. Иргеит амҵәыжәҩақәа рхала. Имцаргьы
ишԥаҟанаҵоз! Инықәтәеит ашәарыцаҩ имӡырха иқәгылаз
ахьаца акьышәкьышәраҿ.
— Аа, уаанагама? Ус адыруеит амла. Уааи арахь, уааи! —
дԥышәырччон даҵаԥшуа. Акәац жьыхәҭақәа аҵла амҵан
игылаз акәыцҳа инҭеиҵеит ашәарыцаҩ. Аҩны аҩнуҵҟа
дныҩналан иҽиҵәахит иара. Ашьауардын аблақәа млашьуа
иазԥшуан акәац. Ахлахаҵ apгьежьуан, аблақәа акакаҷ рхылон иахьахәаԥшуаз. Аха мбашьа амамызт изҭакыз акәыцҳа.
Акәац инахькьысит — аӷьаҩҳәа ашә накуеит. Уинахыс наӡаӡа
абаандаҩра...
Аҩны акылҳара дкылԥшны дазԥшуан ашәарыцаҩ. Агәыр
ӷьара икны иагон ихәыҷқәа.
Ашьауардын иаҳа-иаҳа агәахы ҿнакаауан амла.
Иҩықәԥрааит. Иаауан ишиашаз афатә ахь. Абар, иааигәаӡаны
абла иныҵашәеит акәац, абар, еихышь-еиҵышь ишышны
абла иаахгылеит акәыцҳа. Акәыцҳа инавԥрааит. Ашыҩҳәа
ажәҩан ахь аҽааҳаранакит. Амч еизганы ицон ашьауардын
амра ашәахәақәа ирԥыларц, иагәыҵанаҳәҳәарц ажәҩан
ҵамҵамра.
— — Ҳа-ҳа-ҳа! Уеиҭацахма! Уеиҭаанагахуеит сара сахь,
уеиҭаанагахуеит! — даҵаԥшны дыччон ашәарыцаҩ.
Ицеит ашьауардын, ауаҩы илаԥш иамбаӡо, ажәҩан иналаӡ.
Аҵыхәтәан аԥырра азыҳәан ишаз амҵәыжәҩа ссирқәа
еикәырҽы инаднаԥсалеит. Аеҵәа кыдшәазшәа, ажәҩан,
икәалаауа хланҵы инҭалеит Ашьауардын.
— Иҟанаҵозеи, ҳаи, анаџьалбеит, иҟанаҵозеи! Еиҵна
хуандаз, еиҵнахуандаз амҵәыжәҩақәа! — ицәымӷхан даа
уазырит ашәарыцаҩ. Аха ицахьан игәаҿы иуаҩра анҿыхашаз
аамҭа. Амҵәыжәҩақәа адырӷәӷәала еидыԥсаланы иаауан
хланҵы. Иҩаахеит ацаҟьа. Аҟәада ҩаҿашит ахра.
Игылоуп уи ахра иахьагьы еиқәыхьшәашәа, гәырҩак
амоушәа еиҵаӷәӷәа. Иахьагьы аԥша фырҭынха, иҵәаа-ҵәаауа
уи ахра ацаҟьа цырцырра ианаҿаслак, иаҿыҩуашәа уаҳауеит:
— — Уи шьауардыным, аԥсра иацәшәаны ахақәиҭра
зыԥсахыз, уи шьауардыным!
1959
УАХАКГЬЫ
Аҳаирплан ашьҭыбжь зегь ҳаԥхьа ҳан илаҳаит. Сашьеи
сареи ҳаиԥш, ҳангьы дыцәахьан. Аха иаҳа лгәылҽанызар
акәхарын, аҳаирплан ашьҭыбжь иаразнак даанарԥшит. Ашә
аартны, абарҵахь дандәылҵуазоуп ҳара дангәаҳҭа. Ҳахьатә
кәаскьа ҩ-ҿык аман. Аҩны иахыз ҳани, сашьеи, сареи ҳакәын.
Ҳаб дыҟамызт, аибашьцәа рхәы игеит ашьхаҟа. Аибашьра
иалагаанӡа шықәсык аҟара шагыз дыԥсит ҳанду. Ҳаб аҩны
даныҟоу, сашьеи сареи азалаҿ ҳашьҭалон. Уи ауада иаҳа
иҭбаан, акаруаҭқәагьы рацәаны игылан. Ари ауыха, ҳаби лареи ахьышьҭалоз ауадаҿы, ҳиарҭақәа ҟалҵеит ҳан. Ҳҩыџьагьы
ҳаб икаруаҭ аҿы ҳашьҭалҵар ҳшеиқәԥо, ҳшеицәхасуа
ҳаибарцәомызт. Ҳуаӡәк ҵаҟа дырианы, егьи акаруаҭаҿ длыриар, аибаргәаара ҟалон, ҳан лымацара уадакаҿ ашьҭалара
дацәшәон. Дацәшәон машәырк ҳахьыр ҳәа. Сгәанала, ииашамзар ҟалап, ауаа аншәалак, асарақәа реиԥш, ӷәарапара
еимбӷьыжәаа иҩуеит ҳәа ирҳәо. Ус ианыҩуа, ашәарҭара
усҟак иандуум акәзар ҟалап. Ухала уахьцалакгьы ушҭахо,
ухы шузеиқәмырхо анудырлак, уааигәара аӡә дыҟазар, угәы
арӷәӷәоит. Сара саныхәыҷыз избеит ашәарҭа ду, агәыҭҟьара
ауаа еиднакылоит, иаҳҳәап, умашьхәылҵ амца ацрасыр,
унацәкьарақәа ҭаҷкәымкны еиларҵәа ишукуа еиԥш.
Ашьхақәа рхыҵхырҭаҿы, иааигәаӡаны имҩаԥысуан аибашьра. Аҳәса заҵәқәа зегь реиԥш, дшәагәышьон ҳангьы.
Уадакаҿ ҳаицышьҭазар, алемсаа ҳашьхақәа ирхыҵыргьы, иаҳа
ҳшәарҭамкәа, ҳахьчара иаҳа илылшошәа лгәы лырӷәӷәон.
Абжьааԥны, раԥхьа сашьеи сареи ҳакәын изаҳауаз
аҳаирпланқәа рышьҭыбжь. Алампа алашара аԥенџьыр
икылымԥхарц, аӷәышәқәа аҳаркуан. Алампа ҳагәҭа иргыланы,
ашәҟәы ҳшаԥхьо, мамзаргьы ҳан алакәқәа шҳалҳәо, «уу-уу!»
ҳәа аҳаирплан ашьҭыбжь анаагалак:
— —Иааит, нана, иааит! — ҳәа ҳаибарҳәҳәаны, адәныҟа
ҳандәыли-баҳәон.
— —Арахь шәыҩнал! — ҳамахцә ҳанкны, аҩныҟа ҳаҩна
лцалон ҳан. Аԥенџьыр аӷәышәқәа рыӷәӷәаны иалыркуан.
Аҳаирплан ааигәаӡаны, ҳаҩны иахыкны ашьҭыбжь гозар,
алампа днаҭәҳәаны илырцәон, амца ҿалҳәон. Сара бзиа избон ҳан дыццакны амца анҿалҳәоз лыхәаԥшра. Кәасҭха
дук днамҵасны, ахәа инхәыҵалышьшьуан. Ирласӡаны
ахәшԥырӷы нақәылҳәҳәон. Иаанхоз амҿқәа, амца зкыз аӡы
анрықәылҭәалак, ишкәакәа-цәхаԥшьшәа алҩаҵә рхылҵуан.
Рыбжьы гон «цәышшы» ҳәа. Абас алашарақәа ырцәаны,
амца ҿаҳәаны, аҩны аҩныҵҟа ҳҽаҳҵәахуан, баагәарак
еиԥш ҳақәгәыӷны. Аха ҽнак аусҳәарҭахь илыԥхьан дцеит
ҳан. Даныхынҳә иҳалҳәеит, лара леиԥш, ирацәаҩӡны ҳәсеи
хацәеи аибашьрахь имцакәа, иаанханы иҟаз изрыԥхьаз.
Аӷацәа рҳаирпланқәа анхалалак, насгьы, анцәа иумҳәан, аха
дара, алемсаа рхаҭақәагьы ашьха ихыҵыр, аҩны аҩныҵҟа
аҽыҵәахра зегь реиҳа ишәарҭазаап. Убри анҳалҳәа инаркны, ҳаирпланк абжьы аагар, аҩны ҳандәылеибаҳәон. Ҳашҭа
иқәгылаз ахьаца ашьапы ҳҽаваҳкуан. Мамзаргьы абаҳчахь
ҳцаны, арасақәа ршьапы еилачыраҿ ҳалатәаны ҳҽаҳҵәахуан.
Абас ҟаҳҵон, аԥсреи абылреи ирышьҭыбжьха, алемсаа
рҳаирплан ашьҭыбжь ангалак. Аха убас ҟаҳҵо ҳалагеит сашьеи
сареи ажәҩан ууаӡа, аеҵәақәа аҵыҷҷаауа ианҭынчрахозгьы.
Ҭынч аҩны ҳаштәоу, ҳнеихәаԥшуан, ҳаблақәа неибаҳарбон.
— —Нана! Нана! Бӡырҩы! — иҳәон сашьа.
— —Алемсаа рҳаирплан абжьы гоит! — сҳәон сара.
— —Инҵәаша! Инҵәаша! Анцәа ҳрыцҳашьа, уахакгьы анцәа
ҳаиқәырха! — дшәаны даашаҟьшаҟьон ҳан.
— —Аԥенџьыр ааимԥааны ажәҩан днаҵаԥшуан, мамзаргьы абарҵахь дындәылҟьон. Днаԥшы-ааԥшуан, дӡырҩуан.
Анцәа диҳәон ҳаиқәирхарц. Акгьы шыҟам анылбалак лгәы
аарҭынчны:
— Шәышьҭал наҟ! Шәыцә, амӡанрақәа! — лҳәон.
Ҳлыпҟомызт. Иара усгьы, сгәанала, аибашьра ашықәсқәа
раан, анацәеи абацәеи ахәыҷқәа иаҳа ирыпҟомызт, уажәы
анцәа имчала, ианҭынчроу аасҭа. Изыхҟьоз ҳәа изқәысҵо
уи ауп: акы, дара, ахәыҷқәа аамҭа хьанҭа ишҭагылаз рхәыҷы
хшыҩ иахьынӡалшоз еилыркаауан, убри аҟынтә хәыҷык,
сабик дшаабац еиԥш акәымкәа, дуцәақәак реиԥш рхы
мҩаԥыргон. Ҩбагьы, даныз, дабыз, раԥхьаҟа ирԥеиԥшыз рыздыруамызт. Иҟалон, иаахәлар, ма ианшалак, адунеихаан еи-
бамбо, ирыхшази дареи еихнагар, еицәыӡыр. Усҟан ахәыҷы
игәаҿы даанхар ҟалон злеишәа бааԥсыз аӡәы иакәны.
Абри иахҟьозу, мамзаргьы лара лцәаҩа ахьыбзиаз акәу,
ишакәхалак, аамҭа хьанҭа ҳашҭагылоу егьа еилаҳкааргьы,
ҳхәыҷра ҳиааиуан. Бзиа иаабон ҳаибашьуазшәа, ма алемсаа рҳаирпланқәа ҳхалазшәа ҳҽыҵәахуа ахәмарра. Иара,
аибашьра ахаҭагьы, хәмарра дук еиԥш акәын ҳшазхәыцуаз.
Хәмарра дуӡӡоуп. Еихәмаруеит адуцәа. Ҳарԥырхагамхарц
рымԥан ҳнарышьҭуам ахәыҷқоа. Аибыҳәара ҳалагон, уаҟа,
ахәмарра ду аҿы, ажәҩан ишхыло, аҟәҟәаҳәа ишхысуа,
ишыҵәаауа аҳаирпланқәа, атанкқәа шжәыло «ураа!» ҳәа
ҿыҭны, ршәақьқәа рыԥсақәа цырцыруа ихаршала, раԥхьа
икны, ишжәыло ахацәа, нас ирбаандаҩны, ираԥца ишаарцо алемсаа. Ахәыҷқәа ҳанырацәоу, агәыларантәгьы иааны, ҳашҭаҿ ҳанеизалак, аибашьра ҳшалацәажәо, ҳаиасуан
иҭҟәаны иааргоз алемсаа рахь. Урҭ рроль ихәмаршаз
ахәыҷқәа алаҳхуан, рнапқәа шьҭых иргыланы, иҳарҳәацәон,
ршьамхы арсны иҳаргылон.
— —Аха абри уажәы сызлацәажәо ауха, иаалырҟьаны
рҵыхәа ԥҵәеит ҳаибашьуазшәа ҳахәмаррақәа. Ҳҳабла иаланхоз ахәыҷқәа зегьы ҳабла хтит, аибашьра шыхәмаррамыз
ҳаблала иаабеит.
Ишысҳәаз еиԥш, раԥхьа ҳан илаҳаит аҳаирплан ашь
ҭыбжь. Ахыза лыкәыршаны, абарҵахь дындәылҟьеит. Иҳа
мԥыхьашәаз, маҭәақәак наҳшәаҳҵеит сашьеи сареи.
Ақәасаб ӡарақәа реиԥш, ҳарҳан, ҳаԥсы ӡаны, ашә ҳхы нылак, ҳааӡырҩит. Исыздыруам ҳнызкылаз, ҳцәа иалашәаз,
аха ҳшыхәмарыц еиԥш ҿыҭуа, ҳлабақәа шәақьҵас икны,
адәахьы ҳдәылымҵит. Ԥаса-ԥаса «уу-уу!» ҳәа абжьы рганы,
инаҳхыԥрааны ицон аҳаирплан. Иааԥымҵәаӡо, ҳара ҳаҩны
налкааны игәанаҭазшәа, еиқәымтәаӡо ашьҭыбжь гон уажәы.
Ҳдәылҵыр ҳәа дшәаны, адәахьала ашә лҽадырӷәӷәала,
иҳарамхаз ажәҩан даҵаԥшуан ҳан. Аҳаирплан ашьҭыбжь маҷк
иаанаскьеит. Аҩныҟа дааҩнаххит ҳан. Сышьҭыхра уадаҩхартә
сҩеидасхьан сара. Саашьҭылԥааит. Сара сналгәыҵалкын,
сашьеиҳаб имахцә днанылкит. Илгәалашәазар акәхарын,
алемсаа рҳаирпланқәа анхалалак иҟаҵатәу ҳәа аусҳәарҭаҿ
ирарҳәаз. Адәахьы ҳандәылҵ, аҳаирплан ԥыҭк инаскьахьан.
Ҳашҭа иқәгылаз ахьаца ашьапы ҳҽааҵаҳкит.
Ибзианы исгәалашәоит, иҭәны, ишкәакәаӡа, ажәҩан
зегьы ҵырлашаауа икыдын амза. Аеҵәақәа ракәзар,
аҳабла зегьы ацәашьқәа андырцәа, адгьылаҿынтә лашарак анырԥырхагамха, иаҳа рыблақәа ҭбаахан, ишәпахан,
адгьылаҿ иҟалақәо ҳаргьы иаҳбар ҳҭахуп рҳәозшәа, еид
ҵәаҵәала, ааԥшырҭа рибамҭо, ажәҩанаҿ еилаарцыруан.
Абри аҵх лаша иналаҳбааит аҳаирплан ԥсцәаҳа. Афашистцәа
ишыртәыз, ҳан лакәым, ҳара, ахәыҷқәагьы иаадыруан, иаадыруан ашьҭыбжь ала мацарагьы, дарбанзаалак ишеиҩидыраауа
еиԥш агыгшәыги ашәарахи рыбжьы. Ҳара иаадыруан аӷацәа
амрагылара, ашьхара аганахьала иаарц шырҭахыз. Убрахь
ашьхаҟа ицон, лассы-ласс ҳгәашә аԥхьа ииасуаз аҽқәа
ирықәтәаз аруаа. Урҭ цон, алемсаа арахь иаармышьҭырц, нас
иабаанагеи ари аҳаирплан?
Ҳҳабла агәҭаҵәҟьа иақәыршәаны, ҳаҩны ахыбҵәҟьа
иақәкны, абжьы хыҭҟьагаха инаҳхыԥрааит. Уажәы ицон
ашьхаҟа ахы рханы. Ианынаскьа, иаҳа ашьҭыбжь маҷхеит,
ахаҭагьы алаҳәа еиқәаҵәа иаҟарахартә иаахәыҷхеит.
— Ухнымҳәыроуп! Быжьрабыжьҵәа уцароуп! — аҵла ашьапы лҽадырӷәӷәала, аҳаирплан дашьҭашәиуан ҳан. — Ԥсҳәаа
рыцҳа, абомбақәа рыланажьуазар акәхап, Анцәа ҳахьча,
уахакгьы ҳаибганы Анцәа иаҳзырша, — даҿын ҳан, ҳара
иаҳхыԥраан иахьцоз деигәырӷьо, аха ашьхақәа рыгәҭаны
ишьҭаз ақыҭа Ԥсҳәы хьаас иҟаҵо.
Ааигәа ҳгәыла ҭаҳмадак аҩны дыҟан. Уи ашьхақәа ибзианы идыруан. Ажәытәан даныҷкәыназ дыхьчан. Убри
иҳаиҳәеит Ԥсҳәы алемсаа ирымпыҵархалеит ҳәа. Ҳан
убраҟа инхақәоз, ибзианы илдыруаз џьоукы рыхьӡқәа лҳәон,
илгәалашәан аҵәыуара далагеит, алемсаа иршьызар ҟалап
ҳәа. Аха аҭаҳмада излеиҳоаз ала, уаҟа инхоз, аибашьра злымшоз, зегьы абнара иасны рҽырҵәахт.
Макьанагьы ҳан аҩныҟа ҳаҩнагалара лзымгәаӷьуа, ҳара,
ахәыҷқәа, ҳаԥсы анҳалала, ԥыҭрак ҳнаԥшыр ҳҭахны, ахьаца амҵан ҳашгылаз, ашьҭыбжь иаҳа иацлеит аҳаирпланԥсцәаҳа. Ҳгәылацәа, Бигәаа рҟны, еиқәҿыҭыбжьқәак гон.
Уаҟагьы рҽырҵәахызар акәхарын, аҳаирплан цеит аныргәахә,
аҩныҟақәа ирыҩналеит. Уажәы еиқәҿырҭуан, ихынҳәны иаауеит, шәыҩнқәа шәырдәылҵ, шәҽышәҵәах ҳәа.
— Алашарақәа шәырцәа, алашарақәа! — ибжьы ааҩуан
хаҵак.
Ҳан лылаԥш нақәшәеит, ҳмаҵурҭа ахыб ишалшәшәоз
алҩаҵә. Амца цқьа иҿалымҳәазу, мамзаргьы ҩ-кәасҭхак
еидкьыслоу, имцабзха еиқәызар аҵкыс еицәаханы, алҩаҵә
ҩеиуан. Шәара адгьыл шәымаз, сара сцеит ажәҩан ахь
аҳәозшәа, еиқәаҵәаӡа, амза ашәахәақәа зқәылашоз ҳмаҵурҭа
ахыб иҩалҵны, ихәхәаӡа, ажәҩан иалаланы ицон уи алҩаҵә.
Иҟалозаап убас еиԥш аамҭакгьы, ауаҩы инапала ахәаҽра
даналаго ихәшҭаарамца, хырҵәагак еиԥш данахәаԥшуа,
иҩнаҭаҿы иҩеиуа алҩаҵә.
Ҳан дыҩны дныҩнаххын, аведра аақәԥааны, ашырҳәа
ахәшҭаара инақәылҭәеит. Иҟалҵоз иаанагоз дырны, ҿымҭ
ҳлыхәаԥшуан. Нас ҳаргьы мҿык-мҿык ҳнарымҵасын,
еидымкьыслартә инеидаҳхит. Ҳара ҳтәала убри зегьы ҟаҳҵеит
блеихаҟәысрак иалагӡаны. Аха убри ашәымҭа иалагӡаны,
ҳаҩны инахыкны, ашьҭыбжь агара иалагахьан аҳаирплангьы.
Исыздыруам, аҳаирплан иақәкны акәзу, аха инеиқәырццакны
ашьхарахьтә абзарбзан хысбжьқәа ааҩит. Аҳаирплан ҟәыбаса,
хланҵы иланашьҭызшәа иҳаԥхьаӡеит. Аха аҳаирплан ауура
ишаҿыц иаҿын.
Еиҭах аҩны ҳандәылҟьан, уажәшьҭа ашҭа иқәгылаз ахьаца амҵаҿгьы ҳаанымгылакәа, абаҳчахь ҳцаны ҳҽаҳҵәахит.
Haҟ-aaҟ ҳалгәыдкыланы арасаҵла ашьапаҿы дтәан ҳан.
Ҳахьынаԥшуаз иаабон уи аҳаирплан. Ицон иахьынтәааз
агаҿаҟа ахы рханы. Ҳнаҩс иҟаз аҳабла Дапоуқыҭ инахыкны
инеихьан еиԥш, ашьҭыбжь аацәгьахан, ашьҭахьҟа иаахынҳәит.
Иаахынҳәит, аха ҳара ҳахь цқьа идәықәымлацкәа, ҳаныԥшы,
ашьҭахьҵәҟьа иазааигәаны иааихьан даҽа ҳаирпланк.
— Ҳара ҳтәоуп! Ҳара ҳҳаирпланоуп! — дгәырӷьан арҵәаа
ааҭиргеит, ҳан дналымпыҵҟьан, инапқәа рхахо сашьеиҳаб.
Уи иара излеиҳәоз ала, адунеи иқәу аҳаирпланқәа зегьы
рышьҭыбжь ала идыруан. Саргьы агәра сиргахьан, уи аҟны
адунеихаан дшымҩашьо.
Ҳангьы илдырит. Ҽынлагьы шаҟантә иаҳбахьааз. Ашьҭыбжь
даҽакын. Уимоу, аԥрышьагьы зынӡаск даҽакызшәа сгәы иснарбеит. Ҳаигәырӷьеит, аха ҳгәырӷьара ду иалаӡҩон даҽа
цәанырракгьы. Машәыр ахьыр ҳәа ҳшәон ҳара ҳҳаирплан.
Иҟаларын афашистцәа рҳаирплан еснагь иласны иԥыруазҭгьы.
Аха уажәы, уи аԥрышьа зыҿсырԥшыша даҽа ҳаирпланк
аныҟала иаҳа иласны анырра иалагазшәа збеит. Ахы ишзахәоз
ашьхаҟа еихеит, амаҵуарлақәа зышьҭалаз ақәыџьма еиԥш.
Ҳаԥсы ӡаны, аӡәгьы аҟыт ҳахәлымшәо, ҳаԥшын. Дасу ҳгәанала
Анцәа ҳиҳәон, ҳара ҳҳаирплан ахьӡандаз ҳәа. Уажәымзаруажәы иахьӡартә, иашьҭахх иааиуан ҳара ҳтәы. Аҟәҟәаҳәа
иашьклахысуан.
Ҳаҩны иамариашаны иаахылеит. Ҳаибарыҩны, абаҳча
аҵыхәахь ҳцеит. Уаҟа еилачны игылан адаԥаҵлақәа. Убарҭ
ршьапаҿы ҳҽаҳҵәахит. Ажәҩанаҿ ахысыбжь ангалак,
ҳахьтәоу ҳҩышьҭыԥон. Лыбжьы рхәыҷны, дхәыҭхәыҭуа анцәа
диҳәон ҳан. Аха Анцәа иакәмызт изылшоз ҳара ҳахьчара.
Ахысыбжь гацыԥхьаӡа, амцабз рҭҟьон ҳҳаирплангьы, алемсаа
рҳаирплангьы. Абаҳчаҿ ҳахьтәаз иҩахыкны ианазааигәаха,
ҳамахцә ҳанкны, амхырҭахьы дыҩит ҳан. Убри аамҭазы,
аҳаирпланқәа аҩбагьы рышьҭыбжьқәа убас ибааԥсхеит,
ҳахшыбаҩ ҭнамҟьарц, ҳлымҳақәа ҳкит. Ҳан лакәзар, сашьагьы саргьы иҵегьы ирӷәӷәаны ҳалгәыҵалҳәҳәеит,
ҳазшьуа хыхьынтә акыр леиуазар, раԥхьа лара лҽалыргарц.
Исгәалашәом ажәақәас илҳәоз, Анцәа дахьиҳооз, аха ибзианы исгәалашәоит, ныҳәаԥхьыӡк ҳәаны далгацыԥхьаӡа:
«Уаха ҳаиқәхозар, уахакгьы ҳаибганы иҳаршозар, аныҳәагатә
сықәсҵоит», — ҳәа шацылҵоз. Иаашар, нас иаҳа имариан
ахыхьчара.
Ишеишьҭаз, алемсаа ртәы аԥхьа ишгылаз, ҳара
ҳҳаирплан шашьклахысуаз, ашьхаҟа акыр инаскьеит.
Уажәшьҭа ажәҩан иаҳзалымбаауа ицеит ҳҳәон еиԥш,
аҩбагьы рышьҭахьҟа ихынҳәны рҿаархеит. Убас ҟанаҵоит
амаҵуарла иԥхаҵаны инанацо агыгшәыг. Амаҵуарла аҵкыс
ишзымиааиуа агәра анагалак, агәы анамҟьалак инаркны,
абгахәыҷы аҵкыс еицәахоит абжьааԥны зыцқәа харшалаз
ақәыџьма. Убас, амаҵуарла, иацәцарц инеиуаз ақәыџьма
еиԥш акәын аԥсы ахьагара ишашьҭаз алемсаа рҳаирплан.
Ахысбыжьқәа аҟәҟәаҳәа ишгац иго мацара, еиҭах игьежьны иаан ҳаҩны инахыԥраахт. Ицон агаҿаҟа ахы рханы.
Иаалырҟьаны иаҳа ашьҭыбжь цәгьахеит ҳара ҳҳаирплан.
Иҵәааны хыхь, ажәҩан ахь иаҳа аҽыҳаранакит. Иара
убасҵәҟьа, иаалырҟьаны, амҵәыжәҩақәа ԥҵәазшәа хланҵы
аҿыҩанахеит
— Икаҳауеит! Икаҳауеит! — сҳәеит сара
— — Уԥшла иазнауа! — иҳәеит сашьеиҳаб. Уи, игәанала,
аҳаирплан аԥсҟы икхьан, аԥырра далагахьан.
Ихысыбжьымкәа, шьҭыбжьы цәгьак геит. Убасҟаноуп
ианыздыр, хыхьынтәи иаауаз ҳҳаирплан, ԥышәла алемсаа рҳаирплан ишасыз. Аҽыԥҳәа амца ҩахылҟьан, иҵәаауа
хланҵы инҭалеит. Ҳара ҳтәы, еиҭах ашьҭыбжь аарыцәгьан,
хыхь иҩхалеит, нас аҽыриашаны аҿыҩанахеит.
Убас мацара, еилаҳанто алҩақ еиқәаҵәеи, иҟаԥшьӡа амцабзи ирыгәҭылак, икаууа ишлеиуаз адгьыл иахьнықәҳаз,
бомба тҟәацрак еиԥш, ашьҭыбжь ааҩит. Аҽыԥҳәа амцабзгьы ҩыҵҟьан, аҳабла зегьы аарлашеит. Ҳҽыҵәахны ҳаштәац
ҳаԥсы ӡаны ҳтәан.
— — Иҟалап Дапуаа рҟны икаҳазар, машәыр ҟамландаз,
анаџьалбеит, — лҳәеит ҳан.
Адырҩаҽны еилаҳкааит. Аҳабла зегьы уи аӡбахә акәын усгьы ирҳәоз. Насыԥшәа уи аҳаирплан аӡәгьы иҩны иақәымҳаит.
Амала иахькаҳаз ала, аԥсымҭаз ицҳауа амаҭ еиԥш, сҭахамҭаз
ма џьоукы сшьып ҳәа, аԥырҩы ҩнык иақәкны ишдәықәиҵаз
аилкаара мариан. Ҳара ҳҳабла, Аҭара Ахәы аҟынтә уанцо,
Дапоуқыҭ уахьналало амҩаду ахықә аҟны дынхон Мамышь
ҳәа Лагәлаак. Убри аҩны авараҿыҵәҟьа, ауҭра иҭаҳаит. Ҳарҭ
ахәыҷқәа ҩымшгьы уи амԥан ҳнарышьҭуамызт. Ашьҭахь иаабеит уи аҳаирплан иахьыз. Ҩ-маҭык еикәшазшәа, асвастика
анын аҵыхәаҿ. Абӷаӡаранахыс анышә иҵыҳәҳәон, егьирахь
зегьы анышә иалашьшьны иалан.
Иахьа уажәгьы уи аҳаирплан аԥҽыхақәа уаҩы ибоит уаҟа.
Иахьа уажәгьы еимамлацкәа шәахсҭаҵас адгьыл ҭыжааӡа
иҟоуп уи хланҵы иахьасыз. Иара, зуҭра иҭаҳаз aнхаҩы
иԥсҭазаара далҵхьеит. Аха аҳаблаҿы зегьы иргәалашәот
аҭаҳмада, афашистцәа рҳаирплан ахькажьу ҳбоит ҳәа ауаа
анеиза иреиҳәаз:
— Шәаламкьысын. Ус икажьзааит. Инахәаԥшуа ирдырлап
ӷашақә ҳара иҳақәло иԥеиԥшхо.
1980
XЬЫШЬАШ
Исымбацт сара уаҳа уи аҽҵыс аҟара иԥшӡоу аҽҵыс! Шаҟа
игәаԥханы ишазеи, иараби, уи зшаз!
Шәара, аҽҵыс зыблала изымбаз, ишәҳәар ҟалоит,
уара бзиа иахьубауаз аҟынтә ауп ус убла изабоз ҳәа.
Аха сара исымоуп ашаҳаҭцәа: иҳамырхәҳарц изнымкәаиҩынтәымкәа иаҳҭаақәахьаз. Иаауан урҭ, ма аӡбахә раҳаны,
мамзаргьы ахаҭа рбаны еилаҳаз. Ҳаԥсы апара гәаҭаны
(уи ашықәс азы амлакра бааԥс ыҟан) иаҳҭаауан, шаҟа ԥуҭ
шәҳәауа аџьықәреи шәаҳҭоит (исыздыруам дара иахьааргоз!), шәыҽҵыс ҳаашәырхәа, ҳахышәымбаан ҳәа. Аха сан
ахәгьы-аҿгьы иқәылмырԥшит урҭ аӡәгьы. Амала ҽнак, лгәы
аныԥҵәаӡа акәхап:
— Мыцхәы илаԥшықәырҵеит, нан, абз иадыргар аҵкыс...
— днасҿаԥшит. Илҳәарц лҭахызар акәхарын иаҳҭип ма аӡәы
иаҳҭап ҳәа. Аха сыԥшышьа анылба: — Умшәан, умшәан, уара
аӡәы уисҭараҳа, Хьышьашгьы уаҩы исҭом, — лҳәан, сгәы
аалырҭынчит.
Аиаша ҳҳәозар, сара саҟараҵәҟьа сыҽҵыс лылаԥш ахын
сангьы. Иара аамышьҭахь, уи ашықәсан, ԥшь-шьапык зҵоу рахә
ҳазгәарҵуамызт. Ани иареи еицны ианаагәарлоз, ҳгәараҭа
рахәла иныҭҭәаазшәа аабон. Аха иааҳампыҵкәкәааны иргеит
ангьы. Уаҳа ԥсыхәа ыҟамызт, убри аҩыза аамҭа ҳҭагылан. Ани
иареи анеиҟәыркәкәаауаз, Хьышьаш иааҟанаҵоз иахьагьы
иансгәалашәо, сгәы алаӷырӡ ҭаԥсоит...
...Ҩыџьа ахацәа ҽыжәны, даҽа ҽыкгьы рывакны ҳамӡырха
иааҭалеит. Сан ихы налықәкны, хрыжь-хрыжь дцәажәон
руаӡәк:
— — Ишыббо, аамҭа хьанҭа ҳҭагылоуп, Макрина, ҳхазы
иаҳҭахым... Ажәлар ирзеиԥшу усуп. Аибашьра иалагеит
ҳашьхақәа рҿы. Ар рзы аидара гатәуп. Аҽқәа ҳзықәтәоугьы,
иҳавакугьы убри азы ақыҭа ирылаагаз роуп. Иаадыруеит
аҽҵысгьы шаҵоу, аха...
Илҳәарызишь ҳәа сан сналҿаԥшит. Ишылцәымыӷхаз
аалныԥшит...
— — Аҽы шәышԥахызбаауеи, нан, жәлар рус азы... Абнаҟа ахкаара иҭоуп. Ахәыҷгьы дшәыцхраап акразы...
— — Нана, Хьышьаш ишԥаԥсыхәоу, ан минуҭк иамбар
аҽашьуеит?! — сааӷьаҵәы-ӷьаҵәит.
— — Уи акәым, нан, уабгьы ҳилаӡаны ҳтәоуп... иааурызеи...
Иргар — иааргап...
— — Ибгәаламшәаӡои,
баба
данцоз
исеиҳәаз,
ибгәаламшәаӡои?! — саҟәыҵуамызт.
...Саб аибашьра даныргоз (сан иара ихала дцеит лҳәон, сара
— дыргеит сҳәон), ихәда снапқәа акәыршаны уанбаауеи, баба,
уанбаауеи ҳәа сшихьынҳалаз, агәашә аҿынӡа сышьҭыхны
сигеит. Нас снаиргылан, хаҵак дидгыланы диацәажәозшәа,
сыжәҩа инапы ықәкны:
— — Уԥхамшьаӡои, улаӷырӡ уҿаҳәҳәы. Уԥши, аа, узаҟароу,
гәаҵаӷаранӡа усзааиуеит. Уара уакәхын хаҵас аҩны иаанхауа
ҳәа сара сзықәгәыӷуаз.
— — Умцан, аибашьра умцан! Уаҟа ауаа ршьуеит рҳәеит! — ду
беиа сбаны дахьсацәажәоз сгәы иахәон, аха сылаӷырӡ сзынкыломызт.
— Аӡәгьы сишьӡом, умшәан. Уара уҟәыбҷаӡа аҩны уҟаз.
Ҳҽы уахылаԥшла. Аҽҵыс анахшалак, машәыр амырхькәа
иуааӡар, аҽырыҩрақәа раан, ее, адунеи аӡәы духьымӡауа, зегьы ураԥыслап... Уара ухаҵами, дзакә хаҵоузеи иҽуаҩым?!.
Агәашә дынҭыҵит. Сизыԥшуан, иарҭмаҟ иазқәынҵа дахьцоз, сылаԥш дацәыӡаанӡа. Сҳәатәы хамҵакәа, дышцаҵәҟьоз
агәра анызга, ахәахьы сҿынасхеит. Саб сизхәыцуа, схы
сымагәыхьха сышнеиуаз, ҳҽы снадгылеит. Ахы иааҩахан,
тәамбашақә иаасыхәаԥшит.
Хәылԥазыла аҩныҟа иаацаны, агәарԥ иҭасҵон. Абнаҿ иахшар, аҽҵыс машәыр ахьуан.
Абас, ииаанӡагьы ахьчара салагахьан, хәыцырҭас исоухьан, уи аҽҵыс.
Шьыжьымҭанк шаанӡа, сымгылацкәа, абарҵахьтә ҿылҭит
сан:
— —Ҷына, угыли, нан, угыли, амӡырха иқәгылоу убап! —
Изакәыз сцәа иалашәан, ҳаҩны абарҵа снықәххит. Игыргыруа, адунеи џьнашьозшәа, инаԥшы-ааԥшуа амӡырха иқәгылан
аҽҵыс ԥшқа. Ан ажәжәаҳәа аҳәра иаҿын.
— —Кәыҷа-кәыҷа-кәыҷа! — снадыххылеит. Иаакьыркьырын, ашьапқәа еилаго, ан ахь аҿынанахеит. Ан убас аблақәа
рыцәгьаны исыхәаԥшит, сшәаны сышьҭахьҟа сыҩыртә. Ишна
дгылаҵәҟьаз, еидыгәкыло, акы ааибырҳәеит, нас ақьышә
хәыҷы хәхәаӡа, ан агәаԥҳәы аԥшаан, аҵыхәа рышәшәо,
ацәара иналагеит.
— —Бахәаԥши, нана, бахәаԥши, ашьҭахьтәи ашьапы
ашьаҳәырӡыӡ аҟны ишлазшәа, ишкәакәаӡа иҟоуп...
— —Аиеи, нан, ихьышьашуп. Ус иҟоу иаҳагьы имшуп рҳәоит...
Уи инаркны: — Ухьышьашӡа уҟоуп, ухьышьашӡа уҟоуп, —
шысҳәоз, Хьышьаш аахьыӡхалеит.
Хәылԥазыла, амра аҭашәахагьы амраӡакәа, ани иареи аацаны агәара инҭасҵон. Шьыжьымҭанла, ашара адәы
ишаақәлалак сара сгылаанӡа, сан иааулыжьуан. Ани иареи
рыбла ааихшәаны ишԥаҟалоз! Аҵыхәа рышәшәо, игәкны
аҽадшьыло, ессааҭ инаҵаланы иацәон.
Абар уажәы, ан аахыхны иргарц, ршахақәа кны игылоуп.
Акразы уҳацхраа анырҳәа, сахьгылазгьы сеиҭамҵит, аха Хьышьаш ан алеишәа бзиан, иаакны ирыма рҿынархеит. Агәашә
аҟны ианнеи, Хьышьаш ашьҭахьҟа иаадрырҳан, ан нҭыганы,
агәашә надыркит.
Хьышьаш ишалшоз икьыркьырын, агәашә иажәлеит. Ахы
азнымкылаӡакәа, ишамчыз агәашә инадсылеит шԥыла. Иахьзар акәхап, еиҵаӷәӷәа иаагылеит азнык азы, аха аԥсы анаалала, еиҭанажәлеит агәашә. Ахы хнарҳәҳәон, иавагьежьуан.
— —Хьышьаш, Хьышьаш, ус ҟаумҵан, — исыргәыбзыӷуан,
аха Хьышьаш аеҭымра аҽаннаршәарц аҭахымызт. Угәы
аҵанӡа ирыцҳанашьартә, абжьы ыргәыкны икьыркьыруан,
аха амч ақәхомызт, изахыҵомызт ани иареи еиҟәызҭхаз
агәашә. Абжьы зымааҩуа инаскьаанӡа, акьыркьырбжьы гон
ангьы.
Алахь еиқәышьшьы, инеи-ааиуа амӡырха иқәын Хьышьаш. Аӡы анамҵасыргылалак, ахы акәажь-акәажьуа иааины ажәра иналагон, аха агәашә абжьы аагар, «ыҳы-ҳы!» ҳәа
иҩаҭрысуан, икьыркьыруа агәашә инадгылон. Иаҳзаанагашаз,
иара усгьы, уи агәашә Хьышьаши сареи! Абжьы шаагалак —
ҳҩаҵеибарҟьон. Аха башан, ҳҩыџьагьы ҳажьауан. Иара ан,
ачыргә еихшыла, џьара аидара иаҵан. Аԥхӡы иҿашы, абџьар
даҵазар акәхарын саргьы саб.
Ҳзықәшәаз хәыҷы-хәыҷла ҳҽанҳраалон Хьышьаши сареи. Амхырҭақәа сырҭаланы, ами ԥшқа рхны иазаазгон.
Аҽыҳәҳәагала савагьежьны исрыцқьон. Искәабон.
— —Хьышьаш, Хьышьаш! — анысҳәалак, икьыркьыруа иааины, игәкыҵәыкуа иаасыдгылон, ахы сыдшьылауа. Аԥырцә
еиқәаҵәақәа ирыссаны исԥан иџьоуҳарха иақәԥсан.
— — Акәадыр
анбауқәсҵои,
Хьышьаш,
уанбадухои? — анысҳәалак, аблақәа ҟәыш-ҟәышӡа иҭыԥхаауа
иаасыхәаԥшуан, исараӡа аҳәозшәа. Инамӡаша агара дазкуам
ҳәа, ссиршәа иҟан уи азҳашьа. Алаԥшцәгьа иацәыхьчатәха,
ахәы бзарыбзаруа, акәтаӷь ақәуҭәар, иақәҵәраа ицо, ибзааины, ацәа иҭыԥхаауан. Бзиа иабахуан адгьыл ҳаракырақәа
рҿы ақәгылара. Ашьабысҭеиԥш аӡара калаӡа, ашьахәарқәа
кахәхәа, ахәда ырхәаны, аҽырцәгьа ианаагылалак, аҽыҩ
наӡа-ааӡа иаманакуан.
Хәлаанӡа имбакәа ианысзымычҳалак, сыҩуа сцон
иҳәуа иахьықәыз. Убас ҽнак, иахьҳәуаз адәаҿы снеин,
сҽамырбаӡакәа, ааигәара ашьац снылаиеит. Сыблақәа ҭырхаха
сазыԥшуан. Исгәалашәон, ани иареи анеиҟәыркәкәаауаз
иҟанаҵоз. Исгәалашәон, саб данцоз исеиҳәақәоз. «Аибашьра
еилгап. Бабагьы дхынҳәны даап. Аха уаанӡагьы сақәтәартә
идухоит Хьышьаш»... — сшахәаԥшуаз, сшазхәыцуаз ацәа
сҭанагалазаап... Лыхны Ашҭа ажәлар еизаны, узрылымсуа,
иқәҭәаа иқәгылоуп. Иԥшуп. Ишнаҵҟьара игылоуп аҽыҩқәа.
Сара аԥсыуа маҭәала сеилфаҷа сеилаҳәаны, Хьышьаш
сақәтәоуп. Исзышьақәкуам, иҽырԥа-ҽырԥо аӷәра иахоит,
икәашоит Хьышьаш. Сгәы ҵыс-ҵысуа ихыҭхыҭуеит. Ҳаԥшуп,
ҳаԥшуп... Игеит ахысыбжь. Иҩаҵҳарҟьеит аҽқәа. Иҵҳарҟьеит,
аха ишыҵымҟьара иҟоузеи! Иҭрысны агәахы ҵысит Ашҭа.
Слымҳаҿ иҵәаауа, атрышә иасуеит аԥша. Снеиуеит, снеиуеит Хьышьаш саманы, афырҭын схьымӡауа. Уажәы-уажә
сышьҭахьҟа схьаԥшуеит, схьаԥшуеит, аӡәыр дсыхьӡошәа збар,
аҟамчы ахысҟьарц. Аха Хьышьаш аҟамчы аҭахӡам. Ҳцахьеит,
ҳцаӡахьеит зегьы ҳраԥыҟьаны. Ҳакәшеит Ашҭа знык, ҩынтә,
абар ажәантәтәигьы!..
— Прауа! Прауа! — сызҿырҭуеит зегьынџьаратә. Сҭалеит
аԥхьахә сыманы. Ажәлар сыдеибаҳәалеит, аҽыжәҵырҭа
сырҭауам... Рнапы санҵаны сдыршәуеит, сдыршәуеит... Аӷәра
ианкны инарга-ҩаргоит Хьышьаш, аԥсы еивнагарц, аԥхӡы
ақәбарц. Агәырӷьара иҿықәҳәҳәы, дыччо дысзыԥшуеит саб.
Сылаԥш шааиқәшәаҵәҟьаз: «Саб, усмырԥхашьеит!» — ихәда
сахьынҳаларц снапқәа анаасырххоз, сыжәҩа аӡәы иааирҵысҵысит... Аҭҳарцәҳәа ацәа саалҵит... Ахы сыдшьылауа исхагылан Хьышьаш...
Аҩны сан иласҳәеит сыԥхыӡ. Ииашаны иҟалазшәа, дар
гәырӷьеит ларгьы. Даҽа ԥхыӡқәахарын лара илбауаз. Усҟан
аԥхыӡқәа, нас асалам шәҟәқәа рыла акәын сангьы лгәы
злалҟычоз.
Саб икәадыр ахькнаҳаз снеины сахәаԥшуан. Асаба
ақәсыртәомызт. Аҟамчы кныхны, аҵӷа снапы иахаршә, аҟьашьа
сҵауан. Издыруааз, аҟамчи акәадыри Хьышьаш азыҳәан икнысхраны сшыҟамыз... Издыруааз, с-Хьышьаш, схәыцра лашара иазԥшыз...
Агәақь-агәақьҳәа, ашьхақәа тҟәацуазшәа, ахысыбжьқәа
ааҩуан. Уахынла амамызт, ҽынла амамызт, игон ахысыбжьқәа,
угәахы дырҵысыртә. Аҽыԥ-ҽыԥҳәа амцабзқәа рҿалашауан
ашьхақәа. Иӷызы-ӷызуан ажәҩанаҿ аҳаирпланқәа.
Ҳара ҳаҩны аԥхьаҵәҟьа ииасуаз амҩа акәын агеи ашьхеи
еимаздауа мҩасы иҟаз. «Ар рымҩа» ахьӡырҵахьан аҳабла уи
амҩа. Ииасуан ар ҽынла, ииасуан уахынла... Ииасуан ҽыла,
шьапыла...
Шьыжьымҭанк, ишыҟасҵац еиԥш, агәашә аасыртын,
иноусыжьит Хьышьаш. Иҩуа, ихәмаруа, ахәы иаҿаланы
аҿынанахеит. Агәашә сылагыланы, сеигәырӷьо сазыԥшуан.
Сазыԥшуан, уи ашьыжь ада уаҳа ишысымбоз здыруазшәа,
сылаԥш аасзаҟәымҭхауа...
Убри аамҭазы ҟырԥ-ҟырԥ-ҟырԥҳәа ҽышьҭыбжьқәак аагеит аладантә. Санаахьаԥш, агәгәаҳәа иԥхеибарс иаауан ар.
Рыҽқәа аԥхӡы ргәыдшыла, рԥынҵа икылҟьо афақь уамыргыло иаауеит, иаауеит ҵыхәаԥҵәарада, аӡәы, ҩыџьа, шәҩык,
ԥхьаӡашьа рымам. Иаауеит анышә ыҵырдыд, асаба харчыла
Хьышьаш ан аҩызцәа. Рышьҭыбжь цәгьа иалыҩны акьыркьырбжьы аасаҳаит Хьышьаш: ахәы илбааҟьаны, икәлаауа
иаауан, аҽқәа ахы рықәкны. Ишааиуаз, иаанымгылаӡакәа, иаарылаххит...
— — Хьышьаш! Хьышьаш! — арҵәаа ааҭсырган, агәашә
сҩыҭҟьеит.
— — Унаскьа! Унаскьа, хәыҷы ҟадыџь! — аха сара бжьы сазынкылом, срывахх-рываххуа, ишсылшо ҿысҭуеит аҽҵыс
ахьӡ ҳәаны. Аҽқәа рышьҭыбжь, иара акьыр-кьырбжьы, зегьы
еилаҩынтуа еилаҩашьеит, сылаԥш иҵашәа-ҵашәоит аҽқәа
ирыдыххыло иахьеимдо, снапы нымҩанысҵоит. Самҵасуеит,
уажәымзар-уажәы искуеит, аха аҽқәа исывыҟьҟьо рыхԥша
сарблаҟьоит, ирыбжьацала исцәыргоит... Аимҟьараз сылаԥш
нақәшәеит.
Снадыххылан,
аԥырцәқәа
саарымҵасын,
сналаҳәаца искит... Исыхеит, иқәгьежьааит, икьыркьырит. «Иоужь! Иоужь!» — слымҳа ҵнахуеит бжьык, аха аԥырцәқәа снапы
акәыршаны, сыҽрыларԥс исышьҭуам... Аилаҩеилагьежьра...
Аҽышьҭыбжьқәа... «Хьышьаш! Хьышьаш!» — аимҟьара
инақәыршәаны ирылызгарц исырблаҟьеит... Ҳрылҵуеит,
абар... Аблақәа хагаха, афақь аҿҟьо, ахы ҳақәк иаауаз ҽык
ашԥы снадыԥшылеит, «ҵуу!» — бжьы гәыҭҟьагак ҩасыхҟьан,
сцеит сҭаууа...
...Ажәҩан снаҵаԥшит... Ииаҵәҟаҟараӡа, игарыгаҽо исхагьежьуеит... Сыхәхәаӡа сиоуп амҩа нымҩахыҵ ашьацраҿы.
Ашьшьыҳәа саахықәтәалеит. Сыԥсы аасылалан, сҩагылеит.
Амҩаду ацәа ахҟьа, ицәырҵәаны ииас ицахьан аҽы-уаа.

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 38
- Büleklär
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3267Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21610.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3271Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21080.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3269Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21100.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3131Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21750.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3330Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20880.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3365Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21280.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3286Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22270.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3331Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23210.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3210Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23240.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3293Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21190.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3221Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21170.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 12Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3292Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23260.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 13Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3399Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22840.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 14Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3360Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22860.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 15Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3312Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22590.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 16Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3301Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21940.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 17Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3279Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22660.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 18Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3327Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22740.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 19Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3319Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23200.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 20Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3328Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22440.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 21Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3373Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21670.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 22Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3378Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22340.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 23Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3395Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22630.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 24Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3328Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22220.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 25Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3348Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22230.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 26Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3322Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21840.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 27Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3241Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21490.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 28Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3286Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22260.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 29Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3337Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20410.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 30Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3341Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20120.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 31Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3303Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21060.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 32Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3375Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21080.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 33Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3391Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22450.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 34Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3314Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21250.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 35Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3309Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20500.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 36Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3332Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20280.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 37Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3258Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21470.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 38Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 1886Unikal süzlärneñ gomumi sanı 12020.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.