LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 33
Süzlärneñ gomumi sanı 3391
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2245
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Уи иаҭахуп ажәытәӡа иԥсаатәны ишыҟаз еиԥш еиҭаҟаларц,
амҵәыжәҩақәа ауны иԥырларц. Аха амра цара aҟәaҟәa
иқәу амсатә џьам ианнақәԥхалак ацәа-ажьы иазычҳауам.
Ишацәымӷу ашьшьыҳәа инҭалахуеит Ҭасҳана изҭалыжьыз
аӡмах.
1958
АУАҨЫЗАҴӘ ИМҨА
Ахьча хәыҷы имшынҵа аҟынтә
Иахьа хәымшуп ҳашьхнылеижьҭеи. Ҳферма аиҳабы Бидеи
саби есышьыжь аџьмақәа нараԥца игәарҵуеит ҳара ахрақәа
рахь. Аҭыԥ аҿы ҳаанхоит Шьықәри сареи. Шьықәр аҭыԥ аҩну
ҵҟатәи «аԥҳәыс усқәа» рынагӡара, ахшхырҵәы рҭыԥ ақәҵара
дрызкуп.
Сара, знык саби Бидеи аџьмақәа рыманы ахәы ианын
хыҵлак, снеины аҵангәара ашә аартны аӡарақәа ааусыжьуеит. Урҭ еибырҩны ицоит еиқәшәы аиҩхаа иҭажьу асыԥсахь.
Амра ҩхашалаанӡа анаарахь икасцаӡом, аӡаӡа рқьышәқәа
арԥхҭуеит.
Сышәҟәы аартны аӡарақәа рааигәара ахаҳә снықәтәоит,
аха садырԥхьом. Асыԥса иқәҷаразуа, еицәхасуа, ишыхәмаруа,
сара сыштәоу анырбалак, еибарҩны иааины cҟәaҟәa иқәԥало
иалагоит.
Сара сшыхәыҷыз ргәбылра скит, бзиа избеит аԥсаса.
Сшьапқәа ааихганы схала сныҟәо санналага, ҩызцәас срыла
хәмаруа, сыҩуа сназышьҭалаз дара роуп. Саарыцрымшәаӡо
сышрыцу иниасуан аӡынра, ааԥынра. Аха есԥхынра аиԥырҵра
ҳақәшәон. Сыӡарақәа аџьмақәа инарылацаланы ашьхаҟа
икарцон, сара аҩны саанхон.
— — Макьана ухәыҷуп, ашьха машәыр ухьып, ҽааны узгоит, дад, ҽааны! — иҳәон саб. Уи ҽааны анааилак, убасҵәҟьа
еиҭеиҳәахуан. Ус шаҟантә! Аха сынтәа саб ииҳәаз дахымԥеит.
— — Ибзианы уахыҵыр, хымԥада, сынтәа ашьха узгоит, —
ҳәа ажәа исиҭаз наигӡеит. Сара аԥшьбатәи акласс ибзианы
сахыҵит.
Шаҟантә ҳаҩны амӡырха сықәгыланы абарҭ ашьхақәа
сырҿаԥшхьааз! Иараби, ишԥашьхароу сахьыԥшлакгьы,
ҳашкол ашҭа иаҟарангьы дәҳәыԥшрак убашам. Шьхароуп,
сахьԥшлакгьы шьхароуп. Ҳҭыԥ аԥхьаҵәҟьа ацаҟьа иалҽҽоит
аӡыхь. Уи аӡыхь уҿи унапи ҭауӡәӡәар ҟалаӡом. Иуҟьашьыр
аҵыҵра иаҟәыҵуеит. Ус иҳәеит саб.
Иааигәаӡаны саҿаԥшуеит Ерцахә. Абыржәы, ашьыжь,
сҿынасхар, амра ҭашәаанӡа ақәцәан сыхәноит аасгәахәуеит,
аха, Бида излеиҳәаз ала, Ерцахә анкыдларанӡа даҽа ҩымш
ныҟәа бжьоуп.
Шәарыцара уахь ианцо, шамаха аӡәы имацара дцаӡом,
ишәарҭоуп. Уи Бида ииҳәо зегьы хасҵо, сырхымԥо салагар, аҭыԥ сныҵыҵны шьаҿак ҟасымҵар акәхеит. Сахьнеилакгьы сыбӷаларашәа игәы иабоит. Еиҳаракгьы уи, иара
итәала, сацәиршәеит Ақардуаг ахра. Уи, аиашазы, уацәшәартә
егьыҟаҵәҟьоуп.
Ҳҭыԥ ахьгылоу ашьха Лыхҭа ахьӡуп. Ҳнаҩстәи ашьха, ирҳәоны изласаҳаз ала, Хсырхәа ҳәа иашьҭоуп. Абарҭ
аҩшьхак еиманадоит, ацҳаиԥш ирыбжьгоуп ахра Ақардуаг.
Харантә Ақардуаг сахьахәаԥшуа, уамашәа арбаӷь ика еиԥшуп.
Иқәланы иқәсырц иалагаз ауаҩы иҩшьапык изеиваргылаӡом.
Ипаӡа ахра азқәа иқәдоу амҩа узшьапык нықәургылартә
ауп иахьҟьаҟьоу. Убри азоуп «Ауаҩызаҵә имҩа» ҳәа
захьӡырҵазгьы. Аганқәа ҿыцәааны, улаԥш аарла инаӡо
илашьҭуп. Аҵантә агәгәаҳәа арҩаш абжьы ҭыҩуеит.
Ирҳәоит, анкьаӡа шәарыцаҩык, ақәасаб шьны иҟәаҟәа
илкыдҵаны, абри «Ауаҩызаҵә имҩа» дықәсны дцахьеит ҳәа,
аха уиаахыс уаҩы изымгәаӷьыцт аҿалараҵәҟьагьы, — иҳәеит
Бида, раԥхьаӡа Ақардуаг аӡбахә ансеиҳәоз.
— —Нас уи уаҩы дзықәымсуазар, наҟ ашьхақәа рахь излацозеи? — сиазҵааит сара.
— —Иҿынеихар кырунынӡа Хсырхәа днеиуеит, иахыкәшаны
идәықәлаз — мышкы дықәхоит, — иҳәеит Бида.
Ас сеиҳәеижьтеи лассы-лассы саҿаԥшуеит Ақардуаг. Ииа
шаҵәҟьоумашь? Алакә аҿы еиԥш зыӡбахә рҳәо уи ашәары
цаҩ иаамышьҭахь уаҳа yaҩa дзықәымсӡаци? Хымԥада, сара...
Аха иахьа шьҭа ахәлара ааигәахеит. Аӡарақәа нахьхьи акыӡӷ аҿы ахәамсара илоуп. Илбаацаны аҵангәара
иҭактәуп, аџьмақәа гәарлаанӡа. Аӡы, амҿы аагатәуп, Шьықәыр
ицхраатәуп. Насгьы санаауаз Шьықәр ахраӡага азы ацәырас
аазгарц исыдиҵцеит, уигьы ԥшаатәуп. Амала, уаҵәы...
Смақаруашәа, «Ауаҩызаҵә имҩа», ишәарҭоу, аха хьӡи-ԥшеи
зцу амҩа зықәдоу Ақардуаг снаҿаԥшын, сыҩны сыӡарақәа
рахь сҿынасхеит.
1958
АҞӘАРАСА
Ишәымбахьеи шәара, ахәыҷқәа, Аҟәараса ҳәа изышьҭоу
аԥсаатә? Уи ҩнатә ҳәыҳәк иаҟароуп, маҷкгьы иеиԥшуп.
Еиҳарак уаҩы илаԥш иҵашәоит ааԥын. Ацәаӷәарақәа, алаҵа
рақәа раан, амхырҭақәа рыхтәалара бзиа иабоит. Анхаҩы,
ацәмаа кны, адгьыл еиҩырсса ицәаӷәо даннеиуа, Аҟәараса
ацәаӷәашьҭа ихыланы, инышьҭаԥш-аашьҭаԥшуа, икәаԥкәаԥуа инаишьҭалоит. Акиҳәа ибжьы ҿацаӡа иҭицоит, ацәқәа
ашыҩҵәҳәа аҷын рхиҟьоит анхаҩы. Аҟәараса ацәмаа кны
инеиуа игәбылра амоушәа, ибжьы иацәшәаӡом, нышәхәарԥк
нагәыдиҵартә иааигәаны аӷьара иқәтәоит. Аха аԥсабара иашаз аԥшӡара бзиа изымбо, уи зыцәтәыму аӡәы иакәымзар,
анхацәа Аҟәараса ахаҳә агәыдырҵом, идыршәаӡом. Иблахкыгоу Аҟәараса аԥшреи, асахьеи, аҟазшьа татеи ианыхнах,
уи аԥсаатә ажәытәанӡа ауаа иазырӡбаз лакәк саҳахьеит,
шәааӡырҩы, ишәасҳәап.
Анкьа, зынӡа анкьаӡа зны, дыҟан, рҳәоит, Ҟәараса зыхьӡыз
ԥҳәызба ԥшӡак. Убасҟак дыԥшӡан, мрада дкаԥхон, мзада
дкаҷҷон, акасыш зхазҵоз лара дреиӷьын. Уԥсы дузалымхуа
аҟазшьа лыман, улыргачамкуа лыхшыҩ бзиан.
Лыхьӡ-лыԥша ахара инаҩхьан Ҟәараса. Арԥарцәа аӡәырҩы
ажәа лнырҵахьан, ԥҳәысс дыргарц рҭахын. Аҭауад ҷкәынцәа
лара илышьҭан, аамсҭцәа рарԥарцәа лҿынҵәаауан. Аха лара
ԥҳәысс диццеит, реиҳа лгәы иалнахыз, лара лхаҭа анхаҩы
дышиԥҳаз еиԥш, нхаҩык ихылҵыз, Хьымца зыхьӡыз арԥыск.
Иаргьы, ԥшра-сахьала зегьы дреиӷьымзаргьы, зықәлак
ишьҭахь имгылоз, унеишь-уааишь зарҳәоз арԥыск иакәын.
Дабиԥазаҵәын, иани иаби иара ида хшара дрымамызт.
Ҟәараса илеиԥшыз аԥҳәызба ԥшӡа, аԥҳәызба бзиа
ԥҳәысс данааига, игәырӷьеит Хьымца иҩны зегьрыла. Рнапы
дықәыргыланы дныҟәыргон, џьабаа мыцхәы лдырбомызт.
Лхы бзиа идлырбеит Ҟәараса дызланагалаз аҳаблаҿ инхоз
агәылацәагьы. Уи илдыруан ахәыҷы иацәажәашьа, аиҳабы
апату иқәҵашьа. Апатуқәҵара илымаз ахьӡ-аԥша лнаҭеит,
аха дзықәшәаз арыцҳарагьы иара убри, ажәытә уаа ирымаз,
иҽеимыз патуеиқәҵаракоуп изыхҟьазгьы.
Ажәытәан абхәа иаҳауа дцәажәаӡомызт аҭаца.
Лабхәа акыр иалҳәарц лҭахызаргьы, даҽа џьоукы рҿала
изаалыцҳауан. Иахьа уажәгьы џьара-џьара инханы иҟоуп
ари аҵас. Ус иахьыҟоу аҭаацәарақәа рҟынгьы мызқәак,
ианамуӡах, шықәсык-ҩышықәса paҟapoyп, нас ацәажәара
азин лырҭоит аҭаца. Ус иҟамызт ажәытәан. Забхәа ишиаҳауа
ицәажәаз аҭаца, дуаҩы ламысданы дрыԥхьаӡон. Уи иҟалҵаз
ачеиџьыка рнапы адыркуамызт. Цәгьарак, бзиарак ахьыҟоу
днарышьҭуамызт.
Ҟәараса хаҵа дцаанӡагьы, лани лаби рҟынтә изныкымкәа
илаҳахьан забхәа иҟны ицәажәоз аҭаца, лара лымацара лакәымкәа, дзыхшаз рзыҳәангьы ишхьымӡӷы бааԥсу.
Апатуқәҵара усгьы ибзиаӡаны излаз Ҟәараса, аԥырӷы
дақәԥаларгьы, лабхәа ишиаҳауа ажәак лҿыҵшәаны ишԥа
ҟалоз!
Ажәлар рҿы аҳаҭыр бзиа зқәыз, зықәрахь инеихьаз
уаҩын Ҟәараса лабхәа. Ахаан ажәа гәынҷыхьак леиҳәомызт
иҭаца. Ларгьы зегьреиҳа уи дицәыԥхашьон, пату иқәылҵон.
Ишысҳәаз еиԥш, аҭаца лзыҳәан аҳаҭырқәҵарақәа раԥхьа
игылаз амцәажәара акәын.
Иҵхьан шықәсыбжак аҟара Ҟәараса Хьымца диццеи
жьҭеи. Рацхьатәи акәыкәу анҿнаҭуа аамҭазеиԥш, ааԥынра
ааигәахахьан. Ҟәараса лхаҵа ицә ҭоуӷанқәа ҵаҳәаны,
адәаӡа еиҩырссо дцәаӷәон. Лабхәагьы, аҵәҩан ҿҟьаны
иларсны, абыца лахаҵауа, аанда ишышуан. Шьыбжьагәазы
Ҟәараса лхаҵа ацәқәа нҵиртлан, иаби иареи еицны аҩны
иааит. Урҭ ирызгылан аԥацха, нас — аганҩны. Рашҭаҿы
иқәгылан ашымҳа. Ишыжәдыруа еиԥш, ашымҳаҵла абӷьы
рацәаны иҿалоит. Амра ашәахәақәа залсӡом. Аԥхын, ашоура аныҟоу, убри аҵла амҵаҿы атәара бзиа ибон Ҟәараса
лабхәа.
— Ҟәараса, нан дбыкәыхшоуп, ашоураха, ибзеицәоуп,
амца бахамгылан. Ачуан сара исыҭ, бысҭаԥхак рзызуп амхаҿы
аус зуаз. Бара аирыӡ быманы бцаны, аӡыхь хьшәашәа рзаага,
иржәып, рҿи рнапи рыӡәӡәап. Аа, ибымбои, бхаҵа Хьымцагьы, бабхәагьы анаҟа, ашҭаҿы ашымҳа амҵан иԥшны итәоуп,
— лҳәеит Ҟәараса ланхәа. Уи зхахәы шлахьаз, зықәрахь инеихьаз, заԥсшәа хааз ԥҳәысын. Ҟәараса данлацәажәоз «нан
дбыкәыхшоуп» ҳәа ацымҵакәа длацәажәомызт.
Ишыжәдыруа еиԥш, зҿаԥсшәа хааны ицәажәо, ииҳәо еснагь инарыгӡоит. Ҟәараса ланхәа лажәа ҩбамтәкәа ашырҳәа
дцан, аӡыхь цқьаӡа иаалгеит. Икеикеиуа аҵәца иҭаҭәаны
лабхәа инеилыркит.
— Аӡашәа ибызҳааит, дад! Сызхара зжәит. Ихьшәашәаӡа
сгәы инықәлан, сшоурагьы аахнаҽит, — иҳәеит Ҟәараса
лабхәа аӡыхь анижә.
Ҟәараса лхы аалалырҟәит, аҵас ишаҵанакуаз ала, ажәак
аҳәара уеизгьы дақәиҭымызт.
Аҵәҩан, абыца зырххоз лабхәа, аԥхӡы, агәам даганы
дыҟан.
— —Уажәшьҭа, дад дбыкәыхшоуп, аӡы сзылабышьҭыр,
сҿи снапи сыӡәӡәап, — иҳәеит. Дҩагылан, ашҭа маҷк инаараны иахьыҟаз ахь даанаскьеит. Ицыӡәӡәаха наҟ анаара
иҭаланы ицарц, насгьы иҭаца лшьапы иақәымҭәарц иҭахын
абхәа.
Ҟәараса акәмаан аашьҭылԥаан, ахәхәаҳәа лабхәа аӡы
изыналышьҭуан. Деихышәашәо иԥҳәыс дахьлыхәаԥшуаз,
игәы иазҳауан Ҟәараса лхаҵа Хьымца. Ларгьы, лабхәа ианимбо, лхаҵа иахь даахьаԥшны дааԥшуан, дааԥышәырччон. Уи
убри аамҭазы дазхәыцуан: шаҟа насыԥ бзиа лымоу, лхаҵеи
лареи бзиа ишеибабо, ланхәеи лабхәеи, дара дрыхшазшәа,
ҳаҭыр шлықәырҵо.
Ҟәараса акәмаан кны дахьгылаз адгьыл маҷк аҟара инааран, насгьы ицәаакӡа ихҵәрыран. Лабхәа инапсыргәыҵа
аӡы анылҭәаларц аирыӡ ахы анаалырнаауаз аамҭазы,
днықәҵәрын, лыҩшьапык налыҵҟьеит. Дахькаҳауаз, уаҳа
азхәыцха лмоуӡакәа:
— —Нана! — ҳәа ажәа заҵәык налҿыҵҟьеит.
— Бымшәан, дад дбыкәыхшоуп, акгьы ҟамлаӡеит! — иҳәан,
лабхәа, лмахәар нҭарсны дҩаиргылеит. Лыбжьы ҩыҭганы
ажәак илҳәазгьы, иара имаҳаӡазшәа ҟаиҵеит. Уимоу, аҵас
иауамызт акәымзар, иара ишиаҳауа дцәажәозар иаҳагьы
еиӷьишьон. Аха Ҟәараса даараӡа ихьаалгеит, игәнылгеит,
хьымӡӷы бааԥсӡак еиԥш лхы нақәылҵеит лабхәа иахьиаҳаз
лыбжьы. Ажәак акәзаргьы илҳәаз, диацәажәазшәа
лыԥхьаӡеит. Лхы лықәыжь, аҩныҟа даахынҳәит. Ԥыҭрак
дтәаны дҵәыуон. Сабхәа сыбжьы шиаҳаз сани саби иааилыркаар, хьаа дус иҟарҵашт, ргәы иалсышт ҳәа дхәыцуан.
«Уажәшьҭа патус исықәлозеи сара. Аҳаблаҿ зегьы схыччалашт, забхәа иҟны ицәажәаз ҳәа сеибадырбалашт», — лҳәон
лгәаныла. Аҵыхәтәан, аҩны дындәылҵын, амӡырха агәҭахь
даанаскьеит:
— Сыламыс анеилага, суаҩны адәы ақәзаара акгьы иаԥсам
уажәшьҭа. О, Анцәа ду, ухьышьаргәыҵа сакәыхшоуп, уаҩы
сизымдыруа, сыԥсаатәны адәы сықәҵа! — лҳәан, Анцәа диашьапкит Ҟәараса.
Убри аминуҭ азыҳәаҵәҟьа, алакәқәа рҟны ишырҳәало
еиԥш, амцәыжәҩақәа аалоун, дыԥсаатәхазаап аԥҳәызба ԥшӡа
Ҟәараса. Дҩышьҭыԥраан, дцеит ажәҩан дналашәкәа.__
Изаҳҭахузеи, Ҟәараса леиԥш ахьҟәыршәа дызцәыӡыз
шаҟа игәныргоз аҳәара. Иааиуаз аԥхынра азыҳәангьы,
аӡынра азыҳәангьы иааршәымхӡакәа ашәы ршәын, гәырҩала
еиҵаҭәы, рылахь еиқәын. Ҳәарада, зегьреиҳа игәнызгоз
лхаҵа Хьымца иакәын. Уи изыҳәан адунеи ккаӡа иҭацәит.
Шәҭышк еинҭәыла ишәҭны иахьгылоу анибалак, Ҟәараса
лыԥшӡашьа еиԥшнишьалон, акраамҭа дгыланы дахәаԥшуан,
нас акакаҷқәа рыҟәшәара далагон Ҟәараса илиҭарц, иԥаны
лыхәда иахеиҵарц.
Еиҭа иаахт ааԥынра ҿыц. Аби-ԥеи рыцәқәа еиҭа инҵаркын,
рымхырҭа инҭалеит. Анышә еиҩырсса, аҵыруақәа неигӡон
аԥа, Ҟәараса лхаҵа Хьымца. Убри аамҭазы, ажәҩан иалхәхәа
иԥырны иаакылсын, ацәаӷәасҭа инықәтәеит ԥсаатәк. Аԥсаатә
уамашәа иԥшӡан, аиԥш зеиԥшу ԥсаатә уаҩы имбацызт. Ацәқәа
ахьаахаҵәиуаз амхырҭа аҵыхәан, ахьаҵа гылан. Уи амахәҭаҿы
ихшьын Ҟәараса лхаҵа Хьымца ишәақь. Иаакниԥаан, икәаԥкәаԥуа ацәаӷәасҭа ихыланы иааиуаз, аԥсаатә инақәикит деихсырц. Аԥсаатә «ҷаԥ-ҷаԥ-ҷаԥ» ҳәа амҵәыжәҩақәа неиннаҟьан,
иҩышьҭԥрааит. Убасҟан амҵәыжәҩақәеи ахәдеи рҿы
ирыԥхны еилԥхаауа, аимхәыцқәа ахазшәа, иҳарџьха иақәыз
ахәы арԥыс инеиҿаԥхеит. Иблақәа хыркит. Урҭ цәгьашәа
иреиԥшын иара ҳамҭас илиҭахьаз, Ҟәараса лыхәда иахалҵоз
ақаруаш еимхәыцқәа. Хьымца ишәақь наимпыҵшәеит.
Убасҟан ибжьы ҩыҭганы ҿиҭзаап:
— Ҟәараса! Ҟәараса! — ҳәа.
Алакә аҟны изларҳәо ала, уи иԥсаатәхаз Ҟәараса
лакәзаарын. Уинахыс, ари аԥсаатә иагьахьыӡхалеит Ҟәараса
ҳәа аԥҳәызба ԥшӡа лыхьӡ.
1980
ШЬОУДЫД ИШЬХА
Иаха арахә цәыкьанаҵы еилҳаргеит. Аҭыԥ аҿы агәгәаҳәа
ахьча-мца еиқәҵаны ҳакәшаны ҳтәан. Шьықәр ашә хихуан.
Саб анаараҿ дықәтәаны, ӡыӡла икылҵәаны ааҷа нкылдо, ҽы
мгәырхак аиԥшьра даҿын. Акраамҭа ҭынчран. Амца иахылҵуаз
алашара аџьмақәа ахәапа-сапаҳәа ижаҳәо иахьтәазынӡа
иаркаҷҷон.
— —Ишәыхьзеи, уара, шәеиқәышьшьы, шәкарахама?
Акаҩҳәа ашәак аацәырыжәгар, ҳагәқәа ааҳмырҿыхарыз! —
иҳәеит саб.
Аха аӡәгьы ицәыримгаӡеит ашәа. Инеимда-ааимдо Бидеи
саби ашьхақәа рыӡбахә алацәажәара иалагеит.
— —Басиаҭ, уара иуаҳахьоума, абри Шьоудыд ашьха ахьӡ
зыхҟьаз ҳәа ирҳәо? — саб ихы наиқәкны, ҿааиҭит Бида.
— —Исмаҳахьеи, иахраҭ бзиахааит Шьоудыд рыцҳа, арахә
ихы шԥанарықәиҵеи! — иҳәеит саб.
— —Ҳара иҳаздырӡом, иҳашәҳәарауазеи.
— —Иҳашәҳәа, иҟалозар.
Шьықәри сареи Бида иҳәара ҳалагеит уи ажәабжь
ҳаиҳәарц.
— —Шәара сынтәада ашьха шәмааиц, ишәмаҳацзаргьы
уаҩы гәыбӷан шәиҭом. Ажәытә, ҳабацәа рхаан, — дналагеит
Бида, — абри уаҵәы ашьыжь шәанҩагылалак амрагыларахь
шәназҿаԥшуа ашьхаҿ есышықәса ирахә иманы дыхьчон
Шьоудыд зыхьӡыз Шларбак. Иара идагьы даҽаӡәы уи ашьха
днықәлар, ихы идишьылон.
Дшыхәыҷыз арахә дрылааӡан Шьоудыд. Иаб иԥсы
ахьынӡаҭаз еицыхьчон. Рыԥсаса ҵҩа рымамызт, зқьы ааӡаны
шәкы абна илазҵо ззырҳәоз ракәын. Шьоудыд иаб дажәны
данԥсы, имала даарыдхалеит рахә гәарҭак. Ҩнысгьы гәарасгьы
ихьча ҭыԥ акәын имаӡаз. Иԥсеиԥш бзиа иибоз ирахә иахьагьы
уахагьы днарцрымшәо, дрыхӡыӡаауа дрыцын. Ақәабаа-сабаа
леиуаз, акырцх ауаз, ижәцәеимаақәа еиқәҟаца ишьаҵаны, иуапа дҭашьшьы иџьмақәа дышрылагылоу иааихигон. Аԥхынра
анааилак, ишшәасҳәаз еиԥш, абни ашьха заҵәык аҿы акәын
дахьаауаз хьчара.
Ԥхынрак азы Шьоудыд ирахә иманы дықәын. Агатәылаҟа
иаанижьыз иуацәа-иҭынхацәа рызхәыцра ихахьгьы иҟамызт.
Зны-зынла игәы иҵаланы иҳабла иуаажәлар анигәалашәалак,
ашьха ақәцә дыхәнаны агаҟа дылбааԥшуан. Иара убри ала
игәы иҟычуан. Иааигәа-сигәа дахьыԥшлакгьы, ашьха цәҳәыраҿ
уаҩ дықәибаауамызт, машәырла џьара шәарыцаҩык ихацәа
днықәымԥшуазар.
Дшымгәыӷӡоз, ҽнак агантәи ауаҩы дкылҟьа дизааит
Шьоудыд. Уи дыцҳаражәҳәаҩын. Ацҳаражәҳәаҩ Шьоудыд
дшибаҵәҟьаз, иԥси-иԥси еихьымӡо ҿааиҭит:
— — Уа Шьоудыд, Шьоудыд, ҳаи уанаџьалбеит, уаҳа ари
иҟалазгьы умаҳаӡеи?! Уара угәы каршәны ашьха ушықәыз,
уқыҭа, уҳабла ҭацәит, ууаажәлар ықәырцан Ҭырқәтәылаҟа
ихырҵеит. Умԥшын, уҽеибыҭа! Урышьҭал уаргьы!
— — Ишԥазури, сара мыжда! Иабазгари рахә гәарҭак? —
дааӷьаҵәыӷьаҵәит Шьоудыд.
— — Урахә араҟа ишԥанужьуеи! Иаарласны еизца. Амшын
ахықә аҿы уаннеилак, иӡыхгыланы иубоит аҭырқәа иӷбақәа.
Сыжәлар ахьыжәгаз аҭырқәа Сулҭан иахь саргьы сцоит ҳәа
роуҳәар, урахәгьы уаргьы шәҭартәаны шәыргоит. Знык уаҟа
уанызнеи, Шьоудыдхеит, нас қьафурҭоуп, џьанаҭ шәҭалоит
урахәгьы уаргьы. Шьамханы акәаза инылагылап уԥсаса. Уара
узцәыӡыз ужәлар убап, иуаҳап, — Шьоудыд ижьара даҿын
ачарҳәаҩ.
Ишԥаиурыз Шьоудыд. Иагьа ичашәразаргьы атәым дгьыл
ирахәгьы иаргьы ахьааӡаз иԥсадгьыл аасҭа ишеиӷьымз
идыруан, аха ижәлар мап рыцәкышьас иҟаиҵарыз! Акикиҳәа дрылаҳәҳәан иԥсаса еизицеит. Рыцҳарак шырзыҟалаз
рдырызшәа, иӡыӡымкуа иааикәагылт арахә. Иуапа ааиларҳәны
иҟәаҟәа инкыдиҵан, ирахә наиаԥицеит. Дышзахәоз дылбааит агаҟа. Амшын ахықә аҿы дахьааиз уаҩԥсы димбаӡеит.
Аҭырқәа ӷбақәа ԥшны иӡыхгылан.
— — Мшынла амҩа иқәу ужәлар урыхьӡарц уҭахызар, абри
аӷба уҭаланы урышьҭал, — ӷбак наидырбеит Шьоудыд.
— — Сырахә? Ишәымбаӡои, сыбаҩ здыӡлахьоу, ԥсаса гәарҭак
иаасцаз! Урҭ ныжьны сабацои? — иҳәеит Шьоудыд.
— — Аҳаҳаи, урахә хьаас иҟаумҵан. Хык нарылмыршәакәа
еибга-изҩыда ишыҟоу убап. Уаҵәы ашьыжьыҵәҟьа даҽа
ӷбакала амҩа иқәаҳҵоит.
Иҟалап, Шьоудыд ирахә наӡаӡа дшырԥрыҵуаз ицәа иала
шәазаргьы, аха ижәлар раҵкыс арахә еиӷьашьаны дызлаангыларыз!
Аԥснытәи агаҿа ааныжьны Ҭырқәтәылаҟа, атәым дгьыл
ахь ахы рханы аҿаанахеит Шьоудыд дызҭаз аӷба. «Уабацои,
ҳаибакәеибаха, ҭынха дҳамаӡамкәа, ҳамала цәгьала аҟәара
ҳаақәжьны, уабацои, Шьоудыд», — рҳәозшәа рыхқәа шьҭыхны
уи аӷба иашьклаԥшуан аҟәара иқәгылаз Шьоудыд ирахә.
Ахаха рзы Ҭырқәтәыла иӡхыҵит Шьоудыд дызҭаз аӷба.
Дыҿҟьаса дрышьҭалеит иқыҭауаа иԥшаарц. Акыр иԥишәеит,
дҵаа-ԥшаауа деимдон, аха уаҩԥсы димбаӡеит. Убасҟан идырит Шьоудыд дышҭынхадаз.
— —Сырахә абаҟоу, иаашәымгаӡеи? — дразҵааит Шьоудыд.
— Ианамуӡах ма сырахә сымандаз...
— —Урахә нахьхьи иҟоуп, уԥшишь, уԥшишь, «рреит-қьоу»
— уҳәар иааԥхьоуцап, — ихыччаны рнапқәа рхханы амшынн
ырцә, Аԥсныҟа ддырԥшит Шьоудыд.
Идыргәышьеит Шьоудыд уаҟагьы дшыржьаз аҭырқәа
ԥаршеицәа. Идырит ирахә еибарҟаауа Аԥсны агаҿа ишықәхаз,
ақәыџьмақәа ирымҵажьны дшааз, аха иҟаиҵоз, уажәшьҭа
дбаандаҩын, ишьҭахьҟа, Аԥсныҟа хынҳәышьа имамызт.
Асаби иан дшыгәхьааимгара ирахә дрызгәыкуан Шьоудыд.
Дыхрааӡраауа, иӷра ҭыӷьӷьаа дымлашьуа, ча ҿаҵак иабасоури
ҳәа Сҭампыл далан. Аха имлакра ихашҭуан џьара гәараандакаҿ
џьмак шкыдҳәыло анибалак. Аҩныҟа икарцаанӡа илақәа ҭраа
дтәаны дахәаԥшуан. Аџьма зтәу данырбалак дӷьычҩуп ҳәа
алақәа ишьҭаҵаны дыԥхарҵон.
Лассы-лассы амшынхықә ахь даауан Шьоудыд, иҽырҩа
шьаны џьара ӷбакы дызҭалозар ҳәа. Иҵит шықәсык. Аха
мшынла хынҳәышьа изыҟамҵеит Шьоудыд. Уахынла хара
абнақәа рахь дцон. Уаҟа ахьча мца еиқәиҵон.
Уаха шаанӡа, арахә ԥхьеицошәа, акиҳәа дҟьауа дҷаԥшьон.
Илацәа нҭаар ирахә иманы ашьха дықәушәа аԥхыӡ ибон. Арахә,
гыгшәыгк рылалазшәа, акы иаршәазшәа, ԥхыӡ ианибалак,
дцәырҳаны арҵәааҳәа дыҳәҳәо дааԥшуан, амца дыҽҳәасны
кәасҭхак ҩыҽҳәԥаа ажыҩ-жыҩҳәа иҟьо абна дылалон.
Ишыԥхыӡу анидырлак «сыџьмақәа, сыџьмақәа, шәаргьы
саргьы ҳагәнаҳа зықәшәаша, жьи-наԥхи реиԥш, ҳашԥа
неиҟәыркәкәааи!» ҳәа игәи илаӷырӡи еилаҵәо, ихы кны
днатәон.
— Сызцар бзиоуп, сзымнаӡаргьы ма амҩа сшықәу сыԥсып,
— иҳәан, дыбналеит Шьоудыд. Ддәықәлеит шьапыла мацара
Аԥсныҟа даарц. Уахынла дныҟәон, ҽынла уаҩы дахьимбаша
иҽиӡон.
Дхынҳәит, ииулакгьы Аԥсныҟа дааит Шьоудыд. Дахьааиз,
ирахә ауибахуаз. Урҭ, рымала аҟәара ианықәха, ихынҳәны
ашьхара иаҿалеит. Иааит иахьашьцылаз, иахьааӡахьаз
ашьхаҿ. Усҟан ҽаҩраҭагалара аҽеиҩнашахьан. Ацәҳәырақәа
рҿы уахынла аҵаа инықәнарҟьашаауа иалагахьан. Ахьшьцәа
шьхыҵхьан. Шьхатәылан шәарыцаҩыкгьы дықәыршәымызт.
Агаҟа ишьхызцаз арахә. Аӡынра ашьха цәҳәыра иқәнакит.
Акырцх, аҷыхь рысит. Еидҳәыԥла илаҳәны храк ашьапы
ишаҵагылаз асы рықәнауит. Изымҵысыхуа иҭанасит.
Иааиуаз аԥхынра аан асы ӡыҭны ашьхара инықәҵит. Шьоудыд ирахә ибоз џьышьа дрышьҭан. «Рреит-қьоу, рреит-қьоу!»
— ибжьы ашьха иқәыҩуан, игәыҭшьаагаха хара ахрақәа
ирныҩуан. Дшеимдоз, аҟәараш еиԥш, ихаххала ахра амҵан
еиқәԥсаз ирахә рыбаҩқәа днархагылеит. Ирҳәоит, убасҟан
Шьоудыд аҟыр-ҟырҳәа дыччеит ҳәа. Деилагеит, аразҟыцәгьа.
Амца еиқәҵаны рыбаҩқәа еизганы дырхатәан уахынла.
Шьыжьымҭанла, амра агылаха амраӡакәа, «қьоу-қьоу, шәгыл,
шәгыл» ҳәа акиҳәа ибжьы наиргон. Нас, илабашьа авиҳәа
иҟьо, арахә ԥхьеицошәа, ҿыҭуа ахәқәа дрықәлон. Уахынла
дааины, амца неиқәҵаны дыштәац деиҭанатәахуан.
Уаҳа aгaҟa дыхнымҳәӡеит Шьоудыд.
Ицеит даҽа ӡынрак. Еимаҩызны ацәҳәыра иқәжьыз асы
ықәҵит. Аԥхын мра анрықәцеи, аиҩхаақәа ирҭажьыз асыԥса
қәа ӡыҭны ицеит.
Шәарыцаҩцәақәак еиқәных ашәарахқәа иреиҩаӡо ашьха ишықәыз, Шьоудыд инеихагылт. Уи дыԥсны дахьышьҭаз
иааикәыршаны иваҳәҳәа иваԥсан иԥсаса рыбаҩқәа.
Убри инаркны абри ашьха «Шьоудыд ишьха» ҳәа азырҳәо
иалагеит. Дызбаз ашәарыцаҩцәа анышә дамардеит иара убри
ашьха адәҳәыԥш аҿы.
Абас агәырҩацәгьа рзаанагон, дадраа, ҳабацәа амҳа
џьырра.
Иажәа даалгеит Бида. Шьықәри сареи, Бида иажәабжь
ҳәаны даналгагьы, ҳаблақәа ааихмырсыӷьӡо ҳтәаны ҳаиҿа
ԥшуан. Аҭыԥ аҿы ахьчамца агәгәаҳәа ишеиқәыц еиқәын.
1958
АЖЬА ШКӘАКӘА ЗКЫЗ
Дыҟан, иҳәеит, уаҩы нагак, унеишь-уааишь ҳәа зарҳәоз, уаҩ
ҟәыӷак. Ҽнак, абри ауаҩ ныҟәара дышцоз, амҩа дахьықәыз,
ихамыждараз, ус игәы иааҭашәеит: «Ацәгьеи абзиеи рҿы ауаа
сазҵаауеит ишԥаҟаҳҵари ҳәа, рхаҟара пату сықәырҵоит, саргьы
издыруа ахәыҷала, иҟашәҵаша-ижәуша ҳәа акы нарасҳәақәоит.
Исызхәыцуеит. Аха бжеиҳан сара схаҭа исыздырӡом иарбану
иаҳа ииашоу, иарбану иаҳа имцу. Абарҭ еиҩыздыраанӡа, ламыс
сымазар, сақәиҭым ауаа мҩакы рықәҵара».
Ус игәы дынҭахәыцит: «Сзызҵаарыда? Ауаа сразҵаар, дасу
ихатәы иаша имоуп, насгьы амц зҳәо рацәаҩуп».
— —Уара, ԥсы зхоу зегьы ран, амра, исоуҳәозеи, изыхьӡузеи
аиаша? — ихы дааҩахан, амра днаҵаԥшит, иҳәеит.
Амра аакаԥха-каҷҷан, ус ҿаанаҭит:
— —Аиашоу? Шәарҭ, ауаатәыҩса, шәиаша сара исыздыруам. Сара сиаша абри ауп. Ашьжьымҭан ашара сыманы
саҭаауеит адунеи, амш анаанҵәо, адунеи аҵх иазныжьны
сцоит, нас уаҵәы сеиҭаауеит. Абас ҵыхәаԥҵәарада. Сара сус
санаҟәыҵлак, шәҟалом шәаргьы, иҟалом акгьы. Убри иашоуп,
убри сара издыруеит.
— —Еи, уаҟа, ажәҩан аҵаҿы иԥыруа ашьауардын, уара
ишԥоудыруеи, изыхьӡузеи аиаша? Ауаатәыҩса удырҽхәоит,
ашьауардын ахшыҩ ихшыҩуп ҳәа. Ус уҟәыӷазар, сызҵаара
аҭакс исоуҳәозеи?
Амҵәыжәҩа дуқәа неиҵҳәа-ааиҵҳәан, аблақәа цырцыруа,
жәҩан ҵаулахьтә ауаҩы инаихәаԥшит, иҳәеит, ашьауардын.
— —Аиаша уҭахума? Усԥырхагамхан. Уахьаанаскьо адә
ҳәыԥш аҟны, ачықьра ихәыҵатәоуп ажьа. Убри анаа
цәырҵуа, сшьапхыцқәа наласырԥарц, итатаӡа ажьа схәыҷқәа
ирҿасҵарц, иахьантәарак ахаҩара саҿуп. Аха ажьа иадырзаап сара сшахаҩо, аҿаҵәахит, ицәырҵуам.
— —Иадырит уҳәоу? Ус акәзар, ажьа иадыруазар ҟалоит
сара сзышьҭоу азҵаара аҭакгьы, — иаԥхьаҟа иҿынеихеит, ажьа
ахьтәоу ибарц, аиаша зыхьӡузеи ҳәа дазҵаарц.
Дыԥшызар, адәҳәыԥш анаҩс, еилачӡа чықьрак гылоуп.
Ачықьра илатәоуп ажьа. Убасҟак ишкәакәоуп, хәыц еиқәаҵәак
алам.
Ажьа шкәакәа дабоит ауаҩы дшазааигәахо, ишәаӡом,
џьаргьы ицаӡом. Уи иадырит, иҳәеит, ауаҩы дзышьҭаз. Ауаҩы
дцәажәаанӡа, ажьа ус ҿаанаҭит, иҳәеит:
— — Ауаҩы, суҳәоит, усԥырхагамхан. Дасу иара ииаша имоуп. Сара сзыҳәан абыржәы иашас иҟоу убри ауп, ачықьра
саахәыҵыҵны, адәы снықәлар, абни, ажәҩан иаҵоу ашьауардын, сылкагәаны сафоит. Уца умҩахь, усԥырхагамхан.
— — Ҳаи, уара, ацәаҭабаа, уԥсажә уацәшәаноума аиаша
зыхьӡу шсоумҳәо?! — ажьа днахагылеит, иҳәеит ауаҩы. Ажьа
шәаӡом, иҵысӡом иахьтәоу, уи иадыруеит, иҳәеит, аиаша. Аиаша усгьы ишыҟоу ижәдыруоуп, уаламкьысыр иаҳа иузеиӷьуп.
Ашьауардын ашьапхыцқәа реиԥш, инацәкьарақәа ааирхахан, ажьа шьҭагәаны икырц иҿанынеихоз ауаҩы:
— — Усыдызцалазеи, уанаџьалбеит, ҭынч адунеи уқәзарауеи,
аиаша зыхьӡу уара иузымдыруазар хьаас изыҟоуҵозеи,
егьырҭ изоуҳәогьы ирыздырӡомеи. Шәызегьы шәеиԥшуп.
Мыцла адәы шәшықәу, мыцла шәшынхо, убас шәыҟаз, —
аҳәеит ажьа.
Дгәааит, ари заҳаз сара соума, иҳәеит ауаҩы. Уи усгьы,
ишыжәдыруа, убасҟак ихы имхакәачроуп, зегьы аҳас сара
срымазароуп, иҳәеит. Усԥырҵ, усыламкьысын, умҩахь уца ҳәа
егьа иҳәазаргьы, имукәа, инапқәа ҩаларԥаны, еимгәарӷәӷәа
иааникылеит, иҳәеит, ажьа, ажьа шкәакәа, хәыц еиқәаҵәа зламыз.
— — Уажәшьҭа иумҳәар уабацои?!
—Иумуит, уара иухароуп, — ҭынч ҿаанаҭит, иҳәеит, ажьа.
— Сара, унапаҿы иуку ажьа шкәакәа соуп аиаша. Уажәшьҭа
уара, ауаҩы, иуҭаху алх, аиаша акәу, амц акәу: абыржәы
саауушьҭыр убри мцуп. Амц уҳәар, амц ҟауҵар, уан дыԥсуеит.
Соуумышьҭыр, унапаҿы сшуку абас сукызар, убри ииашоуп.
Аха усҟан уаб дыԥсуеит. Иаарласны иуҭаху алх, алаԥшра уара
иумоуп, — аҳәеит ажьа.
Шәара, абзиара заҳалаша, иахышәҳәаауазеи?! Ишԥаҟаиҵо
ажьа шкәакәа зкыз? Амц иҳәар, имцу аус ҟаиҵар, иан дыԥ
суеит. Аиаша иҳәар, ииашоу аус ҟаиҵар, иаб дыԥсуеит. Иԥсы
хәоузеи?
1995
ԤЫНҴА-ҴӘРЫԤСА
Ажәытәӡа, ҳабдуцәа рхаан, Аԥсны дыҟан аҳак. Уи аҳ дбеианы дынхон. Ирахә-ишәахә ҵҩа рымамызт. Еихачаԥаны изгылан асасааирҭа-акәасқьа, аганҩны-амаҵурҭа. Ҽырҩырҭа дәык
аҟара аҵанакуан иказарма. Абри аҳ диман ԥа заҵәык. Аҳ-иԥа
ифатәыз, ижәтәыз, дзеилаҳаны иааиҭаххалак, имоуа иарбаныз. Ивагьежьуа ицын имаҵуцәа. Дырқьынцыцны драаӡон.
Инапы нагӡаны изаҟаразаалак ак ҟаиҵомызт иаргьы.
Шьыжьымҭанк Аҳ-иԥа аҳҭынра азааигәара иҭатәаз аӡиаҿы
днеит. Дхықәгыланы дшынаԥш-ааԥшуаз, илаԥш нақәшәеит
ҵыс ԥшӡа хәыҷык: ардәына аиҳа иааиҵаны, адырганҵыхәа
аҵкыс иааиҳаны. Аҵыс ԥшӡа, аӡиа ихықәгылаз аҵла амахә
иқәтәан, абла хәыҷқәа еихмырсыӷьӡо аӡы иӡааԥшылон.
Агәы иаанагомызт уажәы ды — зусҭзаалак аӡәы ааигәа-сигәа
дыҟоуп ҳәа. Аӡиа иахьҵауламыз аҟнытә, инагәылахаланы
апҟыз ҭиаахьан. Ахықәқәа рҿы аҳаскьын кыдиааны инашьҭын.
Рымахәқәа хьыдышьшь, аӡы иӡаакьысло ихықәглан
ахьацаҵлақәа. Аҳ-иԥа хьацак ашьапы иҽнавеикит, аҵыс ԥшӡа
дамбарцаз. Ашьшьыҳәа ихы аҵла иавҵырҳәҳәаны уажәыуажә дазыԥшуан. Аха аҵыс ԥшӡа дгәанаҭомызт, уи аблақәа
ааихмырсыӷьӡо, ирзыԥшуан, изықәтәаз амахә аҵаҟаҵәҟьа,
апҟыз шьапқәа инрымцкласуа, еилаӡсоз аԥсыӡқәа.
Аԥсыӡқәа хыхь маҷк ианаахалалак, аҵыс ԥшӡа амцәы
жәҩақәа адыԥсаланы, ашьамхқәа ааиҵнахуан ирымҵасырц,
аха иакыртә аҟара ишааигәам анабалак, аԥсы ӡаны аԥшра
еиҭаналагахуан. Аҳ-иԥа аҵыс ԥшӡа иҟанаҵо ибарц, иҽӡаны
дшыԥшыц дыԥшуан. Ус, хаҳәны аҵла иалшәазшәа, аӡы
аҽынҭанаршәит аҵыс ԥшӡа. Инҭыԥрааит ибааӡажжыраӡа.
Иманшәаламхеит. Аԥсыӡ азымкит. Даҽа ҵлак амахә
инықәтәан, аҽаршәшәеит. Амҵәыжәҩақәа ааиҵнахын, ашьап
хәыҷқәа нарыхьнашьит. Ус аҵыс ԥшӡа дгәанаҭеит аҵла зхы
аврыҳәҳәаны иԥшуаз ауаҩы. Арҵәаа ааҭнарган, абнара
инылаԥрын аҽаӡеит. Аҳ-иԥа аҵыс дгәанаҭаны ишцоз — аниба,
дахьамбашаз иҽиҵәахит.
Акраамҭа иҟаӡамызт аҵыс ԥшӡа, аха зынӡа имаар иабацоз.
Аҽны ҿаҵак амфацызт, амла иакуан.
— Ҵәит-ҵәит! — арган, Аҳ-иԥа дызвагылаз аҵла амахә
иаақәтәеит. «Абыржәшьҭа сызхара сахәаԥшып, исгәаԥхар
икны аҳҭныҟа изгап», — дхәыцуан Аҳ-иԥа. Аиашазы,
иааџьоушьаратәы иԥшӡан уи аҵыс. Агәышҵа ҵҟәашаан. Еснагь ӡыцқьала иаӡәӡәоз ахәыԥшқа цырцыруан. Аԥынҵа паны,
ихәхәаны иҟан. Иара злахәыҷыз ала, ашьапқәа иаамцхәума
уҳәо иаун.
Инаԥрын, аӡиа инхықәтәалеит. Ашьаҿақәа ырҭбааны
еихго, аӡиа иаваланы иааиуан, Аҳ-иԥа дахьгылаз иаԥхьаҟа.
Даҽазнык аӡиа инҭасит, аха еиҭа акгьы азымкит.
Аҳ-иԥа аҵыс ԥшӡа даара игәаԥхеит, насгьы ирыцҳаишьеит.
Уи иҭаххеит аҵыс ԥшӡа кны аҩныҟа игарц.
«Урыцҳахәха, аҵыс ԥшӡа, иахьа шар хәлаанӡа уеимдоит
исфарызеи ҳәа. Ас хаԥсыра зубои, уаала саҳҭныҟа, џьабаада
уртәаны уныҟәырго уҟасҵап, амла, ахьҭа уасыркрым,
усырԥхап», — иҳәон Аҳ-иԥа игәаныла.
Аҵыс ԥшӡа еимдо, аԥынҵа ҵыр хәыҷы апҟыз шьапқәа
ирывҵшьуа, ахы нхәыҵанаҵеит. Аҳ-иԥа ашьшьыҳәа аҵла ашьапы даавҵит. Уи иҭаххеит аҵыс ԥшӡа иҽамырбаӡакәа дамҵасны
икырц. Ишьапԥынҵа дықәгыла-ықәгыло даназааигәаха, дууаӡа
дыԥеит. Аҵыс ԥшӡа арҵәааҳәа иҳәҳәан, аӡы инҭыԥрааит. Аҳ-
иԥа иҽизнымкылаӡакәа аӡы агәаԥ ааҭиргеит. Аӡбаа ихьыҵәҵәо
дҩагылеит. Иԥсахы еиҟәыҷҷо, аҵыс ԥшӡа ԥырны иахьцоз дназыԥшит. Дашьҭалеит дахьӡаны икырц. Ҩынтә-хынтә
аӡиа дахыкәшеит дшыҩуаз, аха аҵыс ԥшӡа иахьынатәоз
даназааигәахалак, иԥырны егьи ахықә ахь ицон. Дкарахеит.
Аԥхӡы илҵит. Илаӷырӡқәа хаҟәҟәалт Аҳ-иԥа. «Схала усзымкит,
аха Наџьгәа дсыманы саар, уҳамкыҵәҟьозаргьы убап, абзиара знымаало, уара аԥынҵа ҵәрыԥсыжә!» — даӷьуан Аҳ-иԥа.
Ашьҭахь уаҳа иҟаиҵарыз анизымдыр, дцеит Наџьгәа иеиҳәарц.
Аҳ-иԥеи Наџьгәеи еиқәлацәан. Иахьынхозгьы еизааигәан.
Аҳ имӡырха ду унықәгыланы уаныԥшлак, ҵаҟа анаараҿ
иҭагылаз Наџьгәараа рԥацха хәыҷ ахыб унықәԥшуан.
Наџьгәа иани иареи рымацара ракәын иҟаз, иаб дыԥсхьан,
иӷарӡаны инхон. Деихьыжәеикәыжә акәын дшеилаҳәаз
Наџьгәа. Ижәцәеимаақәа ҵарԥалаӡа, аҵыҭәа ҭаҵаны ишьан.
Инапсыргәыҵа хәыҷқәа амса рыҵалахьан.
— Наџьгәа, усыцхраа, абнаҟа аӡиаҿы иахьантәарак ҵыск
скырц сашьҭоуп, иагьа зундазгьы исзымкит, — иԥси-иԥси
еивҵахо, дыҩны Наџьгәа дааидыххылт Аҳ-иԥа.
— — Изакәызеи иукуа? — дҵааит Наџьгәа.
— — Иуасымҳәеи, уара, абнаҟа... аӡиаҿы...
— — Иамоукузеи икны?
— — Наџьгәа, ак шԥаузеилымкаауеи, иубандаз шаҟа иԥшӡоу!
Иахьа хәлаанӡа игәаҟха, иафаша ҿаҵак аԥшаара иашьҭоуп.
Сара исымазар, иртәаны иныҟәызгон, уаала, Наџьгәа, иаҳкып.
— — Мап, Аҳ-иԥа, уи азы уагьсмыҳәан. Аԥсаатә зегьы убасоуп
рхы шныҟәырго, аха акгьы амла иакны имԥсыцт.
Аҳ-иԥа, иаб нхаҩык данизгәаалак дышиқәцәҟьалоз еиԥш,
иҽырчны ҿааиҭит:
— — Наџьгәа, иухоумыршҭын сара уаҳ сшиԥоу! Сара иудсҵо,
ацкы мҳәакәа иноугӡароуп!
— — Ишԥоуҳәеи, ишԥа! Абыржәыҵәҟьа сыбла уҽаумырбан,
акәымзар ушьҭаҵаны усхәахәап! — Наџьгәа Аҳ-иԥа диҵаҟьеит.
Илабжышқәа аахаҟәҟәалт Аҳ-иԥа. Игәы ԥжәеит. Хаала акә,
мчыла акә уаҳа акгьы анилымша, иаҳҭныҟа даахынҳәит.
Аҳ-иԥа излаидыррыз аԥсаатәгьы, ауаҩ иеиԥш, ахақәиҭра
шаҭаху.
Аҳҭны дшааиз еиԥш, инеимаҭәаны аҵәыуара далагеит Аҳиԥа.
— — Иш-шԥа! Иабатәи ҵысу сара саҳҭны ааигәара иааны
сԥазаҵә ирҵәыуара згәаӷьыз?! Абыржәыҵәҟьа исзеилышәкаа!
— иҽеимгәарч амаҵуцәа дрыҵаҳәҳәеит Аҳ.
— — Ҳаҳ, ахәыҷы излеиҳәо ала, уи ӡычоуп, Аҳ ухаҵкы, —
иҳәеит маҵуҩык дхырхәо.
— — Ӡычоума уара уи? — Аҳ иԥа диазҵааит.
— — Сыздыруам, аԥынҵа ҵәрыԥсаӡа иҟан, — иҳәеит Аҳ-иԥа.
— — Смаҵуцәа, абыржәыҵәҟьа ԥынҵа-ҵәрыԥса аԥсы шҭоу
икны сԥа изаажәга! — имаҵуцәа инарыдицеит Аҳ.
Ижәбахьоума шәара, ҵәит-ҵәитҳәа аӡиақәа рҿы аԥсыӡқәа
ирышьҭаны ҵыс ԥшӡа хәыҷык? Уи аӡыча ҳәа изышьҭоу ауп. Аҳиԥа аӡыча ҳәа рҳәо иаҳахьан, аха ахаҭа имбацызт. Раԥхьаӡа
иԥшӡаӡа ианиба, ианигәаԥха, «Аҵыс ԥшӡа» ахьӡиҵеит, аха
ашьҭахь, даназгәаа инаркны, Ԥынҵа-ҵәрыԥса ҳәа азиҳәо далагеит. Аҳ-иԥа ииҳәоз уеизгьы иахыԥомызт, Ԥынҵа-ҵәрыԥса
ҳәа дахыччаны ахьӡ иаиҭаз ала иаԥхьон зегьы.
Акра усҵәҟьагьы имариамызт Ԥынҵа-ҵәрыԥса. Аха аҳ
имаҵуцәа рыкаҭа ианҭашәа, ирыманы иааит аҳҭныҟа.
Аҭра ааҟарҵан, инҭаркит Ԥынҵа-ҵәрыԥса. Аиашазы, аҭра
иазыҟарҵаз уеилаҳаны уахәаԥшлартә иԥшӡан. Уи еиԥш аҭра
Ԥынҵа-ҵәрыԥса ԥхыӡгьы иамбацызт. Иареиԥш ҩба-хԥа ӡы-ча
ирызхашаз афатә арҭеит.

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 34
- Büleklär
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3267Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21610.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3271Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21080.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3269Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21100.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3131Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21750.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3330Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20880.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3365Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21280.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3286Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22270.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3331Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23210.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3210Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23240.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3293Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21190.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3221Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21170.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 12Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3292Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23260.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 13Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3399Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22840.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 14Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3360Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22860.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 15Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3312Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22590.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 16Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3301Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21940.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 17Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3279Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22660.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 18Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3327Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22740.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 19Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3319Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23200.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 20Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3328Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22440.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 21Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3373Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21670.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 22Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3378Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22340.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 23Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3395Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22630.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 24Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3328Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22220.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 25Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3348Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22230.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 26Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3322Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21840.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 27Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3241Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21490.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 28Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3286Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22260.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 29Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3337Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20410.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 30Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3341Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20120.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 31Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3303Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21060.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 32Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3375Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21080.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 33Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3391Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22450.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 34Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3314Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21250.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 35Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3309Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20500.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 36Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3332Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20280.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 37Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3258Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21470.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 38Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 1886Unikal süzlärneñ gomumi sanı 12020.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.