LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 29
Süzlärneñ gomumi sanı 3337
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2041
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
— —Сааскьеит, — лҳәеит.
— —Уажәшьҭа еилыбкаама? — дналазҵааит.
— —Ҳаи, рацәа маанала усацәажәеит, — лҳәеит усҵәҟьа
игаӡамыз аԥҳәыс.
— —Амцоуп ауаҩы аҩныҟа даазцо, амца аныҟамлоуп ауаҩы
аҩны даҟәганы ахара днаскьазго, — иҳәеит ахаҵа.
— —Уара сара иансыгумырха, саргьы, уаҳа сылымшаргьы,
уареи сареи ҳаныҟамло убри, анаскьагага, ааскьагага ҳаҩны
иагзмырхаша ҵеик дузысааӡап, — лҳәеит аԥҳәыс. Ахаҵа
иаҳарц ииҭахызгьы убри акәын.
1980
АГӘЫӶРЕИ АЏЬАЛИ
Шәара, дад, шәгәы ишԥаанагои, ауаҩы иҿҳәара анакәу
ахьизымдыруа ицәгьоу ибзиоу? Иахьсзымдыруа иаҳагьы
еиӷьуп, сгәыӷлааит, заа сгәы каҳар акыр исыхәома иҳәоит
аӡәы, даҽаӡәы уиазҵаар, сыҿҳәара анакәу здыруазар, сусқәа
рҭыԥ иқәсҵон, сымҩа ақәлара сҽазыҟасҵон иҳәоит. Сара
шәсазҵаауазар... Сара, рыцҳа, исҳәо издыруазеи, амала
лакәны исаҳахьоу шәасҳәап...
Ауаҩы раԥхьаӡа Анцәа данишаз, иҿҳәара идыруа дишеит, иҳәеит. Идыруан имш, исааҭ. Ашьҭахь, ишааиуаз, иҿҳәара
изымдыруа дҟаиҵеит, иҳәеит, Анцәа. Уи шыҟалаз усоуп.
Аԥааимбар, усҟан иҽӡырганы ауаа дрылазаарын.
Ааԥынраказ ақыҭа далсны днеиуан. Рмахәҿа еилҳәа, џьоукы
цәаӷәоит, џьоукы баҳауеит. Амхырҭақәа, ауҭрақәа ирҭоуп,
ихандеиуеит. Дыԥшызар, деигьызеиӷьым хаҵак иҿи-инапи
еиқәԥса, иблақәа ҭраа, ихандеиуа дрыхәаԥшуа, деиқәышьшьы
дтәоуп.
— —Зегьы аныхандеиуа, уара усда-ҳәысда узтәоузеи?—
иҳәан, ахаҵа днаиазҵааит, иҳәеит, аԥааимбар, — мхырҭак уаргьы ихукаар, аџьықәреи, аҟәыд лауҵар...
— —Изысҭахузеи
ихыскаауа,
изысҭахузеи
иласҵо.
Ҭагаланынӡа сызнеиӡом. Сыҿҳәара ааигәахеит, сыԥсуеит, —
иҳәеит ахаҵа.
Даагьежьны дцеит аԥааимбар. Дахьнеиз иибаз иаҳаз
Анцәа иеиҳәеит.
— —Ибзиоуп, уца, сара исыгхаз сыриашоит, — иҳәеит Анцәа.
Еиҭах ааԥынраказ ақыҭа далаланы днеиуан, иҳәеит,
аԥааимбар. Неихыркәа змамыз ҭаҳмадак днаидгылеит.
Аҭаҳмада аҵәҩан ҿиҟьоит. Иҿиҟьоит азхык ахь. Иааирҳәуеит.
Иҿиҟьоит егьи ахахьгьы.
— —Иҟоуҵозеи, аҵәҩан аҩхыкгьы зҿуҟьозеи? — иҳәан,
аҭаҳмада днаизҵааит аԥааимбар.
— —Уажәы азхык ахь ала анышә иҵасҵоит. Сынтәа, ҽааны,
цахә, зҳәаз иеиԥш, акраамҭа исызхоит. Ишнеиуа, ианбаалак, иааҵсхуеит. иаасырҳәуеит. Еиҭа иасырсуеит, — иҳәеит
аҭаҳмада.
Аԥааимбар дааԥышәырччеит. Ибоит, ҽааны, цахә акәым,
ҭагаланынӡа дышзымнеиуа аҭаҳмада. Аха акгьы иамҳәакәа,
уус аабзиахааит иҳәан, днаиԥырҵит.
Ауаҩы, дад, иҿҳәара анакәу ахьизымдыруа иаҳагьы еиӷьуп.
Аха адунеи шуаароу, аамҭала адәы дшықәу ихашҭӡар хәар
ҭагәшьам.
1980
АӠҨЫБЖЬАА РЫПАП
Аӡҩыбжьаа рыпап анцәа иашьапкышьа дирҵон, иҳәеит.
— —Иҟасҵо ҟашәҵала, исҳәо шәҳәала, — инарыдиҵеит
ишьҭахь игылаз аӡҩыбжьаа. Дшьамхнышланы дҩагылеит.
Даргьы нышьам-хышлеит.
— —Ҳазшаз Анцәа ду, ухьышьаргәыҵа ҳакәхшоуп, — ибжьы
еиҵыхуа ҿааиҭит апап.
— —Ҳазшаз анцәа ду, ухьышьаргәыҵа ҳакәхшоуп, — рҳәеит
аӡҩыбжьаа.
Апап абарҭ ажәақәа ҳәаны данаалга, илахь ахыӷәра
инаниҟьеит. Аӷәқәа еивҵыкка иҟазаарын, иԥынҵа ҩыбжьахеит.
Арахь аӡҩыбжьаа анаақәгыла, иԥынҵа бжьанарӷәӷәеит.
— —Сԥынҵа авҵахе-еит, — иҳәеит апап.
— —Ҳԥынҵа авҵахе-еит, — рҳәеит аӡҩыбжьаа.
— —Аӷә-ӷәы шәа-ақәымгылан», — иҳәеит апап.
— —Аӷә-ӷәы шәықәымгылан, — рҳәеит аӡҩыбжьаа.
— —Сԥынҵа ԥнаҵәе-еит, — иҳәеит апап.
— —Ҳԥынҵа ԥнаҵә-ҵәеит, — рҳәеит аӡҩыбжьаа.
— —Сыԥсы маҷхо-оит, — иҳәеит апап.
— —Ҳаԥ-сы маҷ-ҷхоит, — рҳәеит аӡҩбжьаа, маҷкгьы
инцәыҵаччаны.
— —Ска-ҳа-ҳа-уе-еит, — иҳәеит аԥсеизгара иаҿыз апап.
— —Ҳка-ҳа-ҳа-уе-еит, — рҳәеит, аркәашага рҳәозшәа, аӡҩы
бжьаа.
Абас сара иҟасҵо ада ҽакы ҟашәымҵан, сара исҳәо ада
ҽакы шәымҳәан ҳәа зеиҳәаз аӡҩыбжьаа, ииашаҵәҟьаны ры-
пап ииҳәоз ада акгьы рымҳәазт, иҟаиҵоз ада акгьы ҟарымҵазт,
рыпап иԥынҵа ҭахжәаны, иԥсы маҷханы днарымҵаҳаит.
Макбулиа Коӷониа-Аҳәба илҳәамҭоуп.
1970
ГЫДИ АҼАДЕИ
Дыҟан, иҳәеит, Гыд ҳәа аӡәы. Иҩны амӡырха убасҟак иԥшӡан,
арахә ҭауҵа акәым, ухаҭа ирыцҳашьаны уҭаларымызт, ашьац
иаҵәа кашьшьы, иқашәқашәо, анаҟa-apaҟa агәил шәҭқәа
рыфҩы лаҳалаҳауа, зылаԥш цәгьоу илаԥш ацәиҵәахрын.
Убасҵәҟьа иԥшӡаз аанда акәршан, иҳәеит, Гыд имӡырха.
Ахьатә мacap иалхны, ишьалашьынны, рыхқәа ҵәырԥсаны.
Аҩсҭаацәа игәадырԥхоу, ҽнак Гыд имӡырха дшықәԥшуаз, ус
ихы иааҭашәеит, иҳәеит. Изысҭахузеи абраҟа икашьшьы ииуа
ашьац, изысҭахузеи ашәҭқәагьы. Хәарҭас ирылоузеи. Амӡырха
анҭыҵ, адәы цәҳәыраҿы икәыкәыцыкәуа, аӷра ҭыӷьӷьа, исфарызеи ҳәа еимдоит сҽада. Уи абзиарақәа шаҟа сыдузеи. Зны
сара исыҵоуп, ҽазны сеидара иаҵоуп.
Агәашә ааиртын, амӡырха инҭеиҵеит, иҳәеит, Гыд иҽада. Ари
аҩыза ашьац иаҵәара анаба, аҽада гәырӷьан, хҩаха ҟамҵа,
аԥыжә-ԥыжәҳәа иҳәуа амӡырха инықәлеит, иҳәеит. Иҳәуан мышкгьы, ҩымшгьы. Аха аҽадаҵәҟьа амгәа азага адыруеит. Амгәацәа
бақьаӡа, азхара анафа, аанда адцәыслара иалагеит. Ашьапқәа
аҵарбаӷьа, амасараанда иҩадгылан, иагәҭасуа, иагәҭасуа мацара,
аҟәҟәа-ҿҿаҳәа аанда ҩеиларҟәҿны инканажьит.
Уиакәын иззыԥшыз, ирҭахыз ицхлымуа амӡырха адәахьала
иаваз арахә. Ажәқәа, акамбашьқәа, аҳәақәа, зегьы. Шьацгьы
ыҟамкәа, шәҭгьы ыҟамкәа, зегьы дырӷәҵәит, ирӷәыхит, ирфаз
рфеит, иаанхаз ршьаҟьеит. Гыд дааизар, иабаҟоу имӡырха
ԥшӡа, иалгахьеит. Дгәааит, иҳәеит, Гыд. Дгәааит уаҩы ишимбац. Егьырҭ арахә зегьы наҟ иԥхеиҵеит, иҽада ааникылан,
алаба рыхха, даасуа, иманы амӡырха дааҭалеит.
— — Уара, абзиара знымаало! Ахҭыԥшша! Ашьац ԥшқа, ашәҭ
фҩы хаара, џьанаҭ... Уара, џьаҳаным зҭыԥхаша! — дасуеит,
иҳәеит, дасуеит икыдҿаҳәаланы иҽада. Дасуеит, дегьыҳәҳәоит,
аҽадагьы арзаақьҳәа ахәаара иаҿуп, иҳәеит.
— — Уо, уара, иҟалазеи?! Иҟала?! — ҿиҭит, иҳәеит, аҽада
ахәаабжь зхы ҭнаҟьаз Гыд игәыла Махаз.
— — Сыхнарҵәеит, абгақәа ирфаша, сыхнарҵәеит! Ашьац
уфап, иҳәып сҳәан... Уԥшы исызнауз? Амӡырха иҭасҵан...
Хырҳага улымҵуа, абгақәа урфо! — дасуеит, илаба рыхха дасуеит, иҳәеит, аҽада.
— — Ҳа-ҳа-ҳа! Уаҟәыҵ наҟ, уаҟәыҵ! Уи акгьы ахарам, —
иҳәеит дааины иааидгылаз Махаз.
— — Иҿабаароуп уҵыхәа, аанда ҵыхәа баӷыгоума?! Хырҳага
злымҵыша, ақәыџьмақәа ирфаша! — даҟәыҵуам Гыд. Ажәлар
еизеит, дырзынкылом.
— — Ҳаи, шәанаџьалбеит, — иҳәан ҿааиҭит, иҳәеит, аҵыхәтәан
Maxaз, — аҽада ҽадоуп, ус анцәа ишеит, аха узҽадоузеи ҳәа
аҽада зшьуа ишԥаизуҳәари?!
1970
ДҚӘИТ
Амҷы Амтон ҳәа дыҟан, иҳәеит. Иара итәала, уаҩы ламыск
иакәын. Ламыс умазар, аиаша саҳәа ҳәа иоуҳәар, акыр идыруазар игәы аартны, зегьы уеиҳәон. Нцәахәыс иишьозгьы
аламыс акәын.
— — Аӷьычра ламысдарас изымшьоз рацәаҩын ажәытәан.
Амҷы Амтонгьы аӷьычра бзиа ибагәышьон. Зны иҳаблан
рахәы бзиак ыӡит. Изгаз Амтон шиакәыз рдырит. Аха ианигоз дрымбеит, дырзаҿамкит. Уара уҷыдахаз уаҩԥсы игомызт,
гәҩарас уҳамоуп, ухы узырқьиозар ирқьиа, мап анакәха,
аныхахь ҳкылибагоит, — ҳәа дыхҭаркит ацәыӡ змаз. Абар ассир ахьизыҟалаз. Елыр-ныхахь дкылганы ддырқәыр, аныха
дакуеит. Ишԥаҟаиҵо?! Даахәыц-хәыцын, ус ҿааиҭит, иҳәеит:
— — Шәанаџьалбеит, сызҭахымыз џьоукы ус схырҵеит
акәымзар, сара агара амаа схы нкылысхызар аахыс
тәымрахәык сымӷьычыц, — ажәҩангьы днаҵаԥшит. Амц зҳәо
зегьы реиԥш, дқәит-дшәит.
— — Убри иуҳәаз шҵабыргу ала, уаҵәыҵәҟьа уҳаццоит, Елырныха уламҵагыланы уқәыроуп, — рҳәеит ацәыӡ змаз. Елырныха усгьы зегьы збо, зегьы зымчу ҳәа иршьон.
Амҷы Амтон иҟаиҵаша заа дазхәыцхьан. Зыҵа зырбааӡо
аҵарбашьагьы идыруеит ҳәа баша ирҳәом.
Аныха иамҵалараны ианыҟаз ашьжьымҭан шаанӡа даагылеит, иҳәеит, Aмтон. Иҿы инапи иӡәӡәеит. Саҭанаумҵан ҳәа
Анцәа днаиашьапкит. Аҭуан дҩықәлан, данӡыҟыз дызгараз
агара иԥшааит. Деихо-деигәо, цәгьа ԥсышьала, ииулакгьы агара амаа иҽкылихит.
Елыр-ныхаҿ днаргеит Амҷы Амтон. Аныха даамҵагылан, ус
ҿааиҭит:
— — Мчы змоу, зегьы збо, зегьы зылшо Елыр-ныха рыцҳарак
саанагеит уара уахь. Џьоукы ҳаиуанк рцәызӷьычызшәа гәҩарас
сыркит. Сара агара амаа схы кылсхижьҭеи сӷьычхьазар,
сшьапқәа сыҵаԥыҵәҵәа, снапқәа сҿаҵа ҩарымго иҿырҩаа,
схы уасны еиҟәырԥа. Дунеи лашара сумырбан, — ҳәа
данаҟәымҵӡа:
— — Иазхоуп, иуҳәаз ҳаҳаит, уара хара умаӡамзаап,— рҳәеит
ацәыӡ змаз.
Иаргьы даахьаҳәын, ус нациҵеит:
— Аа, ижәбоит схы шысшәиз. Елыр-ныха изакә мчу иамоу
жәдыруеит. Агара амаа схы кылсхижьҭеи сӷьычхьазар Елырныха схы иасуеит. Шәыԥшыз!
— Ҳаи, уара угәнаҳа ҳақәаҳҵеит, акгьы ухараӡамзаап, —
рҳәан, иаагьежьит ацәыӡ змаз.
Амтон аҩны дшааизҵәҟьа, игара аҭуан инықәҵаны иҵәахит
даҽазны ианиҭаххо ҳәа.
Басариан Аҳәба иҳәамҭоуп.
1979
ЗГӘЫ ЗАԤЫСЫЗ АҞӘАРҬ
Ҟәарҭк сыман, иҳәеит, уаҵәы изыниаша иахьа ацәа иала
шәон. Ишьҭхысаан иҩны аҩныҟа ианаауаз иҟарҟаруан.
Аҩны ианааи, икаркарит. Hac иҟәырҭ-ҟәырҭит. Убри ашьҭахь
иҩышьҭыԥа-ҩышьҭыԥан, иааҟәыж-ҟәыжит.
— — Узыҟарҟаруаз уанаауаз? — сназҵааит.
— — Сшәаны саауан, — аҳәеит.
— — Аҩны уанааи узыкаркарзеи?
— — Акәтаӷь сҵарц сгәы иҭан, — аҳәеит.
— — Ашьҭахь узыҟәырҭ-ҟәырҭзеи?
— — Акәҷарақәа хысхуеит, — аҳәеит. Арахь имҵаӡац.
— — Уҩышьҭыԥо-шьҭыԥо узыҟәыж-ҟәыжзеи? — сназҵааит.
— — Ахьшь шьҭасны сыкәҷарақәа ахьагаз умбаӡеи?! —
аҳәеит.
Макбулиа Коӷониа-ԥҳа илҳәамҭоуп.
1979
АЦӘГЬЕИ АБЗИЕИ
Ауаҩы, дад, абзиа дақәгәыӷлароуп, аха ацәгьа дазхиазароуп. Цәык сыман, иҳәеит, аӡәы. Ашьхақәа хыџхыџыртә
ибыҩҩуан. Анышәгәалқәа ҭырԥԥо ибӷьаҭуан. Хәыҷыкгьы
ичхәуан, иҳәеит. Убри аамҭазы егьынаԥшы-ааԥшуазаарын.
Ус дназҵааит, иҳәеит, аԥшәма ицә:
— — Узырбыҩҩуазеи уара, ацә?
— Сахьыҟоу сҩызцәа ирдыруазар сҭахуп, — аҳәеит ацә.
— — Анышәгәалқәа ҭыжәжәо узыбӷьаҭуазеи? — дназҵааит.
— — Амч шсылоу саӷацәа ирбозар сҭахуп, — аҳәеит ацә.
— — Узырчхәуазеи? — дназҵааит.
— — Маҷкгьы сшәоит, — ахәеит ацә.
— — Узынаԥшы-ааԥшуазеи? — иҳәан дназҵааит.
— — Игәаҟрахар, схы зласыхьчаша гәасҭоит, — аҳәеит ацә.
Абри зхысҳәаауа уасымҳәеи, дад? Ауаҩы абзиа
дақәгәыӷуазароуп, аха ацәгьа дазхиазароуп.
Басариан Аҳәба иҳәамҭоуп
1977
АБЫСҬАХЬ
Ажәытәан Аԥсны, Гәыма ақыҭан инхоз, аԥхынра анааилак, Ашәыҟа ицозаарын. Уахь ианцоз ианаауаз аҳәсеи
аҭаҳмадцәеи аҽқәа ирықәдыртәон, арԥарацәа шьапыла ицалар акәын, иаалар акәын.
Шықәсык зны Ашәынтәи ихынҳәны ишаауаз арԥарацәа
руаӡәы дахьныҟәоз днеизҟәыҿы дкаҳазаап. Ари збаз иҩызцәа,
иеиҳабацәа уҳәа ихаибагәан, ддыргылар рҭаххазаргьы, ишьапы дықәгыло дзыҟамлеит. Аиҳабацәа руаӡәы:
— —Ари арԥыс дааԥсазаап, ҽык изааганы дақәшәыртәа, —
иҳәеит.
Икажьыз арԥыс ари аниаҳа:
— —Ҽы шәымҳәан, ҽада шәымҳәан, бысҭахьы шәҳәа, —
бысҭахьы, иҳәеит ибжьы аарла иҭкаауа, амла даганы икаҳаз
арԥыс.
Орҳан Шамба иҳәамҭоуп.
1975 Аҟәа.
СГӘЫ БЛИТ, СГӘЫ
Маан Албуз дычмазаҩхан, иахьа-уаҵәы дырҷаԥшьон,
иҳәеит. Хықәшьы Ҳасан иԥҳәыси иареи есуаха уи иҷаԥшьара
иаауазаарын. Уахык, ачымазаҩ дҷаԥшьаны ианыхынҳә, Ҳасан
иԥҳәыс ус леиҳәеит:
— —Ари ачымазаҩ дегьԥсуам, дегьбзахом. Capa уаҳа
сзычҳагәышьом. Уаҵәы ақалақь ахь сцап. Уардынк азна амҿы
ԥҟаны изгап. Исҭип. Иҳагқәоу аахәаны саап.
Адырҩаҽны иуардын амҿы нақәиҵан, амҩа данықәла,
иԥҳәыс диҳәо далагеит:
— —Уанаауа чабабаки аҳалуеи сзаага, сеилаҳаны сыԥсуеит.
Хықәшьы Ҳасан ақалақь ахь дахьцаз иԥҳәыс дызиҳәаз
ихамышҭыкәа иаахәаны иааигеит. Ашҭа дааҭалоны, агәылара
аҳәҳәабжь геит, иҳәеит. Маан Албуз дыԥсит. Ҳасан иԥҳәыс
лхаҭа илзааигаз ачабабеи аҳалуеи кажьны, аԥсрахьы дцарц
ддәықәлеит.
— — Ибзаазгаз ыфаны бца. Уи шьҭа џьаргьы дцом. Нас
дыбҵәыуап, — иҳәеит, аха ихамҵакәа, дыҩны дцеит. Иԥҳәыс
ас аныҟалҵа, илзааигаз ачабабеи аҳалуеи днарыдтәалан,
акы аанмыжькәа ифеит Хықәшьы Ҳасан. Нас иаргьы днеит
аԥсраҿы. Ашҭа данынҭала:
— — Уаа, сгәы блит, сгәы блит, абааԥсқәа, сгәы блит! — иҳәан,
ибжьы хҵаны аҵәыуара ҭаиҵаӡеит. Агәы ла ҷкәынцәа имахәар
инаҵагылан:
— Иаачҳа. Дыԥсгәышьеит, ишԥааури! — рхәеит. Аха иара
игәы дааҭасуа:
—Шәысҟәаҵ. Сгәы амца акит. Сбылуеит, сыблы! — дӷызуан
Ҳасан.
Ари ииҳәоз заҳаз иԥҳәыс, иҟалаз лдырын, дҟәындҟәындуа,
ус ҿаалҭит:
— — Ааит, иухабгааит! Уара угәы зыблыз Маан Албуз иԥсра
акәым, аха имфакәа аҩны инсыжьыз ачабабеи аҳалуеи роуп.
Орҳан Шамба иҳәамҭоуп.
1978
ДЕИҚӘНАРХЕИТ
Аҳ игәы бааԥсхеит, иҳәеит. Хәуҩык диман, Ламшьыхә
ихьӡын. Убри дааиԥхьан, ус наидиҵеит:
— Иахьыҟазаалак иԥшааны, абииа сзаага, сеилаҳаит.
Ламшьыхә аҩны дшааизеиԥш иҽааибиҭеит, абиа
аԥшааразы амҩа дықәлоит.
— — Уабацои? — днаиазҵааит иԥҳәые.
— — Ҳаҳ абииа деилаҳаит, изаасхуароуп, — ихәеит Ламшьыхә.
— — Унан, иуҳәозеи! Ҳаҳ абииа кьакьа изыфома! Имгәа
асаҭлашь азырсом. Уи ииҳәаз уахәамԥшын. Итатаӡа капанк
алаҳа изаахә. Деилаҳаны ифап, иаҳагьы иуџьишьап, — лҳәеит
иԥҳәыс.
Ламшьыхә убас егьыҟаиҵеит. Капанк алаҳа аахәаны аҳ изааигеит.
— Саҳ, уххь згеит, узеилаҳаз абииа аҭыԥаны, капанк алаҳа
узаазгеит. Итатаӡа, уеилаҳаны иуфап, — иҳәеит Ламшьыхә аҳ
дахьышьҭаз дныҩналан.
— — Иаагишь ара — иҳәан, ахәуҩы алаҳа ааимихын, дных
тәалеит дахьышьҭаз аҳ. Нас акакала алаҳақәа Ламшьыхә ихы
агәыдҵара дналагеит. Лаҳак аԥахә ҳәа иаахацыԥхьаӡа:
— — Анцәа иџьшьоуп! Анцәа иџьшьоуп, — иҳәон Ламшьыхә.
Аҳ ари иныҳәара џьашьахәыс икны, ус днаиазҵааит:
— — Уара, ухы лаҳак аахацԥхьаӡа Анцәа иџьшьоуп зуҳәозеи?
Ухы иахьанымҟьаз уеигәырӷьома?
— Саҳ, уххь згеит, ҩынҩажәа шықәса уара иаауҳәоз хасҵон.
Аха мышкы заҵәык сыԥҳәыс лҳәатәы хасҵан, сеиқәнархеит.
Мамзар уара уҳәатәы хаҵаны абииа узаазгазҭгьы, абииа
кьакьақәа рыла схы схыцҟьаа иугон. Анцәа иџьшьоуп, анцәа
иџьшьоуп, — иҳәеит Ламшьыхә.
Орҳан Шамба иҳәамҭоуп.
1978
АШЬЫНКА
Тыҟә иԥа Ҳақы ҽаҩраҭагалан аџьықәреи шҿихуаз, заамҭа
ииасхьаз шьынкак дақәшәеит аџьықәреирҭаҿы.
— — Ҳаи, ари рацәа аҳ чысуп. Ҳаҳ Алыбеи изызгап.
Деигәырӷьап. Иҭабуп иҳәап. Аҳ иоуп изнаало, — иҳәеит.
Ашьынка ҩежьӡа иҩыҵрак аҳ Алыбеи иҟны днеит. Алыбеи афҩы хаа ахҟьо ашьынка аниба, имхаџьашьахәхан, ус
ҿааиҭит:
— — Уара, аҳ ихәы аинцәыш иаанагоит ҳәа, ари абауоуи?
Ашьынка ааимхны дладтәалан Тыҟә иԥа Ҳақы иҭабуп
хәа акәым, утәаҳәаҵәҟьагьы иамҳәакәа, еихысса имгәажә
илҭаижьит.
Орхан Шамба иҳәамҭоуп.
1979
АЖЬА ШКӘАКӘА ЗКЫЗ
Ажәлар рҳәамҭа
Дыҟан, иҳәеит, уаҩы нагак, унеишь-уааишь ҳәа зарҳәоз,
уаҩы ҟәыӷак. Ҽнак абри ауаҩ, ныҟәара дышцоз, амҩа
дахьықәыз, ихамыждараз, ус игәы иааҭашәеит: «Ацәгьеи абзиеи рҿы ауаа сазҵаауеит ишԥаҟаҳҵари ҳәа, рхаҟара пату
сықәырҵоит, саргьы издыруа ахәыҷала, иҟашәҵаша-ижәуша
ҳәа акы нарасҳәақәоит. Исызхәыцуеит. Аха бжеиҳан сара
сҳаҭа исыздырӡом иарбану иаҳа ииашоу, иарбану иаҳа имцу.
Абарҭ еиҩыздыраанӡа, ламыс сымазар, сақәиҭым ауаа мҩакы
рықәҵара».
Дзызҵаауада? Ауаҩы диазҵаар, аиаша аҵкыс амц иаҳа
иҳәоит.
— — Уара, ԥсы зхоу зегьы ран, амра, исоуҳәозеи, изыхьӡузеи
аиаша? — ихы дааҩахан, амра днаҵаԥшит иҳәеит.
Амра аакаԥха-каҷҷан, ус ҿаанаҭит:
— — Аиашоу? Шәарҭ, ауаатәыҩса, шәиаша сара исыздыруам. Сара сиаша абри ауп. Ашьжьымҭан ашара сыманы
саҭаауеит адунеи, амш анаанҵәо, адунеи аҵх иазныжьны
сцоит, нас уаҵәы сеиҭаауеит. Абас ҵыхәаԥҵәарада. Сара сус
санаҟәыҵлак, шәҟалом шәаргьы, иҟалом акгьы. Убри ииашоуп, убри сара издыруеит.
— — Еи, уаҟа, ажәҩан аҵаҿы иԥыруа ашьауардын, уара
ишԥаудыруеи, изыхьӡузеи аиаша? Ауаатәыҩса удырҽхәоит
ашьауардын ахшыҩ ихшыҩуп ҳәа. Ус уҟәыӷазар, сызҵаара
аҭакс исоуҳәозеи?
Амҵәыжәҩа дуқәа неиҵҳәа-ааиҵҳәан, аблақәа цырцыруа,
жәҩан ҵаулахьтә ауаҩы инаихәаԥшит, иҳәеит, ашьауардын.
— — Аиаша уҭахума? Усԥырхагамхан. Уахьаанаскьо адә
ҳәыԥш аҟны, ачықьра ихәыҵатәоуп ажьа. Убри анаацәырҵуа,
сшьапхыцқәа наласырԥарц, итатаӡа ажьа схәыҷқәа
ирҿасҵарц, иахьантәарак ахашара саҿуп. Аха ажьа иадырзаап сара сшахаҩо, аҽаҵәахит ицәырҵуам.
— — Иадырит уҳәоу? Ус акәзар, ажьа иадыруазар ҟалоит
сара сзышьҭоу азҵаара аҭакгьы, — иаԥхьаҟа иҿынеихеит, ажьа
ахьтәоу ибарц, аиаша зыхьӡузеи ҳәа дазҵаарц.
Дыԥшызар, адәҳәыԥш анаҩс, еилачӡа чықьрак гылоуп.
Ачықьра илатәоуп ажьа. Убасҟак ишкәакәоуп, хәыц еиқәаҵәак
алам.
Ажьа шкәакәа дабоит ауаҩы дшазааигәахо, ишәаӡом,
џьаргьы ицаӡом. Уи иадырит, иҳәеит, ауаҩы дзышьҭаз. Ауаҩы
дцәажәаанӡа ажьа ус ҿаанаҭит, иҳәеит:
— — Ауаҩы, суҳәоит, усԥырхагамхан. Дасу иара ииаша имоуп. Сара сзыҳәан абыржәы иашас иҟоу убри ауп, ачықьра
саахәыҵыҵны, адәы снықәлар, абни, ажәҩан иаҵоу ашьауардын, сылкагәаны сафоит. Уца умҩахь, усԥырхагамхан.
— — Ҳаи, уара, ацәаҭабаа уԥсажә уацәшәаноума аиаша
зыхьӡу шсоумҳәо?! — ажьа днахагылеит иҳәеит, ауаҩы. Ажьа
шәаӡом, иҵысӡом иахьтәоу, уи иадыруеит, иҳәеит, аиаша. Аиаша усгьы ишыҟоу ижәдыруоуп, уаламкьысыр иаҳа иузеиӷьуп.
Ашьауардын ашьапхыцқәа еиԥш, инацәкьарақәа ааирхахан, ажьа шьҭагәаны икырц, иҿанынеихоз ауаҩы:
— Усыдызцалазеи, уанаџьалбеит, ҭынч адунеи уқәзарауеи
аиаша зыхьӡу уара иузымдыруазар хьаас изыҟоуҵозеи, егьырҭ
изоуҳәогьы ирыздырӡоме. Шәызегьы шәеиԥшуп. Мыцла адәы
шәшықәу, мыцла шәшынхо, убас шәыҟаз, — аҳәеит ажьа.
Дгәааит, ари заҳаз сара соума иҳәеит ауаҩы. Уи усгьы
ишыжәдыруа, убасҟак ихы имхакәачроуп, зегьы аҳыс сара срымазароуп иҳәеит. Усԥырҵ, усыламкьысыи, умҩахь уца ҳәа егьа
иҳәазаргьы имукәа, инапқәа ҩаларԥаны, еимгәарӷәӷәа иааникылеит, иҳәеит ажьа. Ажьа шкәакәа, хәыц еиқәаҵәа зламыз.
— — Уажәшьҭа иумҳәар уабацои?!
— — Иумуит, уара иухароуп, — ҭынч ҿаанаҭит, иҳәеит ажьа. — Сара,
унапаҿы иуку ажьа шкәакәа соуп аиаша. Уажәшьҭа уара, ауаҩы
иуҭаху алх, аиаша акәу, амц акәу: абыржәы саауушьҭыр убри мцуп.
Амц уҳәар, амц ҟayҵap, уан дыԥсуеит. Соуумышьҭыр, унапаҿы
сшуку абас сукызар, убри иашоуп. Аха усҟан уаб дыԥсуеит. Иаарласны иуҭаху алх, алаԥшра уара иумоуп, аҳәеит ажьа.
Шәара, абзиара заҳалаша, иахышәҳәаауазеи?!
Ишԥаиҟаиҵо ажьа шкәакәа зкыз? Амц иҳәар, имцу аус
ҟаиҵар, иан дыԥсуеит, аиаша иҳәар, ииашоу аус ҟаиҵар, иаб
дыԥсуеит. Иԥсыхәоузеи?
1995
ХӘАЏЬА ШЬАРДЫН
ИАЖӘАБЖЬҚӘА
АХАԤЫЦ ХЬАА
Хәаџьа Шьардын ихы ихнахуа, ихаԥыц ихьит, иҳәеит.
Ицламҳәа еихаҿаҳәаны, дықьуа-дӷызуа ддәықәын.
Ҽнак дышнеиуаз, иҩызак дааиԥылеит.
— —Иҟалазеи, Шьардын, уԥсы шҭаз уцлымҳәа зеихаҿоу
ҳәазеи? Аԥсра иақәумкызааит?! — ихәеит иҩыза.
— —Аԥсрада гәыӷырҭа сымам, — ҿааиҭит Шьардын, — схаԥыц
сыхьуеит.
— —Ҳаи, Шьардынхеит, — иааџьеишьеит иҩыза, каамеҭк
ухьыз џьысшьан. Уамак ҟалама хаԥыцк ухьзар. Хаҵа дуӡӡак,
хаԥыцк ыҵухит ҳәа атәыла бгама. Иухьуа убри ахаԥыц сара
исзыҵагылазҭгьы, слаханы иааҵызжәон.
— —Ари исыхьуа схаԥыц, сара сакәымкәа, уара иузыҵа
гылазҭгьы, усҟан исуҭахуааз, саргьы иҵызжәон! — иҳәеит
Хәаџьа Шьардын.
СЫЗЦОМ
Аҵара имоуп, дҟәыӷоуп ҳәа зыӡбахә ахара инаҩхьаз
Хәаџьа Шьардын зны аӡәы диҭааит асалам шәҟәы изиҩырц
диҳәарц.
— —Асалам шәҟәы ззыуҩуада? — уи днаиазҵааит Хәаџьа
Шьардын.
— —Саб изыҳәан, — ҿааиҭит иҭааз.
— Дабанхои уаб? — днаиазҵааит Шьардын.
— —Ҭырқәтәыла, — иҳәеит иҭааз.
— —Угәы иалымсын, сукәыхшоуп, уанӡа ацара сара исылшом, — иҳәеит Шьардын.
— —Иабыкәу уахьцо? — изеилымкааит иҭааз.
— —Ҭырқәтәылаҟа.
— —Уара уца ҳәа уасҳәама. Уаҟа саб дынхоит. Асалам
сыхьӡала иуҩыр, исышьҭуеит. Уара уҩны уҟаз, — иҳәеит иҭааз.
— —Уара, агаӡа, — ҿааиҭит Шьардын, — ишԥоузеилымкаауеи!
Сара изыуҩуа, сара сыда уаҩԥсы дзаԥхьаӡом. Уара ухьӡала
ашәҟәы ҩны ианаҳашьҭлак, сара сашьҭаланы сцароуп,
убраҟа сырзаԥхьароуп. Сара исылшом, сеилахоуп, сызцом
Ҭырқәтәылаҟа.
АСЫС ДАҨЫЗАХОИТ
Ԥҳәысеибак лыԥҳа даараӡа дуаҩы қьынцыцын. Акгьы
лгәаԥхомызт, арахь аамҭа баша илгон, уаҩы ихәаша ҳәа акгьы
ҟалҵомызт. Уаҳа иҟалҵаша анылзымдыр, снаиазҵаап, мҩакы
снықәыиҵап лҳәан, Хәаџьа Шьардын иҿы днеит аԥҳәысеиба.
— —Шьардын, уххь згеит, иҟасҵаша џьара акы саҳәа, сыԥҳа
слыхәом. Сара иааҟасҵо акгьы лгәаԥхом, арахь лара ҟаҵа
лымаӡам, лаамҭа зегьы баша илхылгоит, — лҳәеит. — Дуныҳәар
лзеиӷьхар?
— —Иҟоу басҳәап, аԥҳәыс, — ҿааиҭит Хәаџьа Шьардын, — capa
сныҳәаԥхьыӡқәа быԥҳа илыхәом. Уи илыхәо даҽакуп. Аха сара
сажәхьеит. Быԥҳа, иҟабҵо азыҳәангьы иҭабуп ҳәа балҳәауа,
лхаҭагьы лаамҭа баша илхылымгаларц бҭахызар, баалаганы,
хаҵа дышьҭы. Аҩнусқәа лықәпапаны данырклак, дырхьымӡо
даналагалак убасҟаноуп бара бџьабаа зыԥсоу анылдыруа.
ИРЕИӶЬУ ХӘШӘУП
Хәаџьа Шьардын игәылак, иҳәеит, аԥсхәраҿы дахьнеиз,
асаҭлашь ифо, ифо мацара, уамагак иакәзаарын, имгәа изымдырызт, асаҭлашь дакит, аԥсра далагеит. Дыҩны Хәаџьа Шьардын иҿы днеит, ацәардаӷәы иҽықәижьит, абааԥс, усыцхраа,
сыԥсуеит ҳәа.
— —Уара иухәо акы заҵәыкоуп, — иҳәеит Шьардын,— угәы
аархынҳәны, иуфаз арахь иаауҿухыр, убзиахоит.
— Cxалa сгәы сзырхынҳәуанда, Шьардынхеит, уара уҿы
саауаама?! — иҳәеит игәыла. Уи игаӡара адагьы, иԥшрагьы
бааԥсызаарын.
Акраамҭа дихәаԥшуа, ус ҿааиҭит Шьардын:
— —Уара, зынкыр асаркьа уаныԥшылахьоу?
— —Адунеихаан, — иҳәеит зымгәа азага ззымдыруаз.
— —Аа, усҭ. Абри уаныԥшыл, — асаркьа наииркит,— цқьа
уахәаԥш... Убраҟа зсахьа убо уара уоуп, уи аҵкыс еиӷьу
гәырхынҳәыга уара узыҳәан иҟалараны иҟам.
АУАРБАЖӘ
Хәаџьа Шьардын дычмазаҩхан, инарцәмҩахь днаԥшуа
аиарҭа дылахеит. Иҭынхацәа нықәланы ицан ҳақьымк дизааргеит. Ахәшәтәра аганахьала, дҳақьым бзиан, иҳәеит, аха
гра бааԥсык иман, ибз ашҳам иаҩызан. Ажәала ауаҩы игәы
кыдиршәон.
— —Шьардын, — ҿааиҭит, иҳәеит, аҳақьым ачымазаҩ
дшынеихәаԥшыз, — yapa ухаҭагьы иудыруеит, зегьы
аамҭалоуп адәы ҳшықәу. Анцәа ҳаишеит, Анцәа ианааиҭаххо
ҳаигоит. Уара уажәшьҭа убзиаханы, ушьапы уқәгыланы
ҟалашьа умаӡам. Ушышьҭоу, убраҟа унышьҭаԥс уцоит. Убри
аҟнытә, сара иуасҳәо акоуп, уҭаацәа уаарыԥхьаны, ууасиаҭ
раҳәа.
— —Ибзиоуп, — ҿааиҭит Хәаџьа Шьардын. Ихы дааҩахан,
иҭаацәа даарылаԥшит, —Аҳақьым ииҳәаз шәмаҳаӡеи?!
Сҭаацәа зегьы шәеиза, шәааины шәысхагыл. Сара суасиаҭ ажәа
сҳәоит. — Иҭаацәа ааизан, ианааихагыла, ус ҿааиҭит. — Сара
ишәасҳәо убри ауп, дадраа, — инапы аҳақьым инаиқәикит, —
абри ауарбажә уаҳа шәашҭа дҭашәмыжьлан. Имукәан ихала
дааиуазар, даанкыланы, ибз ҭахышәҵәа!
ХӘАЏЬА ШЬАРДЫН ИУАСИАҬ
Хәаџьа Шьардын дычмазаҩхеит, иҳәеит. Иаџьал шааиз
аниба, иҭынхацәа ааизганы, ус ҿааиҭит:
— —Аԥсцәаҳа дааин сышә дылагылоуп, симгар иуам. Уасиаҭ
ажәак шәзынсыжьуеит, иҟашәҵома?
— —Аллаҳ ус ианиҭахха, уимгар имуазар, иуҳәо шԥаҟаҳамҵо.
Ҳӡырҩуеит, — рҳәеит иҭынхацәа.
— —Анарцә сыԥсаҭа бзиахарц шәҭахызар, санԥслак, анышә
санамажәдо, соура шсоуроу анышә аажны, ҵаҟа схы рханы
сылҭаргыланы анышә сықәшәыԥса, — иҳәеит Хәаџьа Шьардын.
— —Избан, ус изуҭаххазеи? — инаиазҵааит, иҳәеит.
— —Абзацәа ԥсны, аԥсцәа гылауа, адунеи ааҳәны ахырзаман
ҟалоит мышкызны. Убасҟан, адунеи анааҳәлак, уаанӡа зхы
ларханы иҟоу сара, дыԥсит ҳәа шәара ишәыԥхьаӡауа, сыԥсгьы
ҭаланы, сааҳәны сшьапгьы сықәгылоит, — иҳәеит Шьардын.
АЕҴӘАҚӘА РЫҞАЛАШЬА
— —Хәаџьа Шьардын, ирҳәоит, уара ууаҩ ҟәышуп хәа.
Ҳуҳәоит зҵаараҟ аҭак ҳауҭарц. Амзаҿа аныҩагылалк, иабаргои, иазыруазеи иажәыз амза? — ҳәа инаиазҵааит, иҳәеит, зны
Хәаџьа Шьардын.
— —Иазыруа шԥашәзымдыруеи, — иџьеишьаӡазшәа ҟаҵаны,
ҿааиҭит Хәаџьа Шьардын, — иажәыз амза ааԥыҽҽны, ажәҩан
инкыдрыԥсалоит, аеҵәақәа аалҵуеит.
АКӘЫМЖӘЫ
Хәаџьа Шьардын сасра џьара днарԥхьеит, иҳәеит.
Дахьнеиз, ишәыз амаҭәа еихьыжәеикәыжә иахьыҟаз
азыҳәан yиаҟаpa пату иқәрымҵеит. Афақьаҳәа днаҵаҟьан,
аҩны дцаны, икәымжәы ишәҵаны дааит.
Уажәы данырба, иаҳа пату иқәрҵан, арахь уааи ҳәа дыркит.
Шьардын икәымжәы аҿацә ааникылан:
— —Улеи, уххь згеит, скәымжәы, аԥшәмацәа унарԥхьоит
умбаӡои, — иҳәеит.
— —Измааноузеи, Шьардын, иҟауҵо? — ҳәа инаиазҵааит.
— —Сара ԥахьагьы ара сыҟан, аха скәымжәы ҿыц
сшәымызт. Усҟан сыгәхьаа шәымкит. Аҩны скәымжәы
сышәҵаны санаа сгәашәҭеит. Ари апату сара сакәым
изқәышәҵаз, скәымжәоуп, иара неины иахатәааит шәчара,
— иҳәеит Хәаџьа Шьардын.
ИАНУФАЗ УАЖӘ АКӘЫМ
Хәаџьа Шьардын уск аҵыхәала аусеилыргаҩ иҟны днанагеит, Аусеилыргаҩ аус дахәаԥшуа иҿааихан, дыззашшуаз иакәымкәа, Хәаџьа Шьардын ихаҭа аус дакуа иааирҳәит.
Дыззашшызгьы дгылан. Иҟалаз идырит Хәаџьа Шьардын.
Дыззашшыз ауаҩы аусеилыргаҩ акыр ииҭахьан. Иҟаиҵара
изымдыруа, акраамҭа дхәыцуан Хәаџьа Шьардын. Ашьҭахь
аусеилыргаҩ илымҳа дынҭахәыҭхәыҭны ус наиеиҳәеит:
— — Абри ayc сара ишысҭаху иурманшәалозар, ани, изхара
ҵәҟьоу иуиҭаз аҟара ҩбаны еиҳаны иусҭоит, — иҳәеит. — Амала, сыззашшыз ауаҩ ишихараҵәҟьоу ала аус даркы. Ҟәџьалк
азна ажәхәшагьы узацысҵоит.
— — Исаҳаит, исаҳаит, — даагәырӷьеит аусеилыргаҩ.. Ихы
ҩышьҭыхны, Шьардын дыззашшуаз ауаҩ днаиҿаԥшит.
Иблақәа рыцәгьаны ус ҿааиҭит.
— — Уара ацәгьаршҩы! Исхарам ҳәа шԥоуҳәаӡеи! Дҭашәк
абыржәыҵәҟьа!
Изхараҵәҟьаз деимгәаххаа абахҭа дынҭаркит.
Хәаџьа Шьардын дындәылҵны дцеит. Адырҩаҽны ҟәџьалк
ааиԥшаан, ахәҵәаҿынӡа камбашь уацла ирҭәит. Ахыцәқәан
маҷк аҟара ахәша ныхшьылан, аусеилыргаҩ изнеигеит.
Аусеилыргаҩ. ахәша аниба, деигәырӷьан, инацәкьарақәа налаиршьшьызар, ахәша абаҟаху!
— — Ааит, уара аԥаршеижә! Ари закәызеи исзааугаз, ари
зфауада?! — иҳәан, дыҵҟьеит аусеилыргаҩ.
Хәаџьа Шьардын акгьы ҟамлаӡазшәа, иҽырҭынчны, ус
ҿааиҭит:
— — Сара иацы, сыбла ишабоз, слымҳа ишаҳауаз ауац уфеит.
Иац иуфаз нҵәахьазар сҳәан иҵегьы узаазгеит, ухаҵкы!
УАРА ИУЗАЛОУЗЕИ?
Ашьжьымҭан Хәаџьа Шьардын игәылеи иареи агәара
бжьараҿ иааиқәшәеит. игәыла иҿаӡы аауа, игәахы ԥыжәжәо,
ус ҿааиҭит:
— — Ҳаит, аԥсыхәабаа иагандаз! Гәаблаа дуӡӡак азна аҳалуа
шыргоз збеит!
— — Иргазар иргеит, сара исзалоузеи! — иҳәеит Шьардын.
— — Ишԥаузалам, уҩны акруҿарымҵаӡои? Уҩныҟоуп аҳалуа
ахьыргаз, — иҳәеит игәыла.
— — Сара сыҩныҟа иргазар, уара иузалоузеи?! — иҳәеит
Хәаџьа Шьардын.
САБАЦАРИ, САБАЦАРИ?
Хәаџьа Шьардын ԥҳәыс бааԥсык диман, иҳәеит. Ллеишәа
цәгьан уаҩы дизихымго. Ихы ицәымӷхо аҟынӡа дналгахьан
Шьардын. Ирымҳәо нас аԥҳәыс бааԥс думазар, ҵәыуара
аԥсархьы умцан, уҩны иҟоуп аҵәыуара ҳәа. Аха абас дшыҟаз,
цәгьеи бзиеи еилых ззымдыруа, аԥсцәаҳа даакылсын, Хәаџьа
Шьардын иԥҳәыс дигеит. Ари заҳаз агәылацәа, аҭынхацәа,
ишаԥу еиԥш, Шьардын идашшылон, усеиԥшгьы нацҵауа:
——Анцәа ахраҭахь дуцәимырӡааит!
Иара дахьгылоу:
——Сабацари, сабацари?! — иҳәон дуазыруа. Уи заҳауаз,
Шьардын иԥҳәыс лзыҳәан дуазыруа џьыршьон, ҳаи, рыцҳа,
иԥҳәыс дахьиԥхаз шаҟа ихьааигозеи рҳәон, иара изхиҳәаауаз,
санԥслак анарцә сымцарц, сыԥҳәыс уаҟа дсымбарц, сабацари
ҳәа акәын.
ДИРҼХӘАЦӘЕИТ
Ԥҳа заҵәык диман, иҳәеит Хәаџьы Шьардын. Лхаҵацара
аамҭа ааит, дахыԥеит, дҭыџьҳахеит, аха аӡәгьы дигомызт
Шьардын иԥҳа. Уаӷоу аҭыџьҳа дидхалааит. Анԥса бааԥс дум-
бахьеи илхымшаз рзыҳәан дшыҟоу? Аҭаацәа рзыҳәан аҵкыс
деицәахоит аҭыџьҳа. Зегь аҭыӡшәа рылылхуеит. Баша ирҳәом:
«Уԥҳа лхаҵацара аамҭа анааи, ма аӡәы диҭ, ма анышә даҭ», —
ҳәа. Хәаџьа Шьардынгьы ари бзиа идыруан.
Ҽнак Шьардын уаа бзиақәак иҭааит. Асасцәеи иареи
акрыфо-акрыжәуа иштәаз, асасцәа руаӡәк Шьардын иԥҳа
ҭацас дигәаԥхазаап, ус ҿааиҭит:
Шьардын, уԥҳа сыҷкәын изыҳәан дысгәаԥхеит. Ҭацас
дсаҭәоушьозар, иахьаҵәҟьа дызгоит.
Аҭыџьҳа дзыдхаланы иҟаз Шьардын, ари аҩыза аниаҳа,
деигәырӷьеит. Дасны иԥҳа лырҽхәара далагеит.
— Лхаҵацара маҷк иахыԥазаргьы, ари башамашак лакәу
џьумшьан. Илҳәо лдыруеит, илуа лдыруеит. Џьара данцалак, ҩаха-хаха дынхаргьы, аҳаҳаи улцәымшәан. Аҩныҟа
дхынҳәуеит. Ҽынла ацәа далахаргьы, аҳаҳаи улцәымшәан
амра анынҭашәо дҩагылоит. Уажәы, иумбои, илыццәоуп,
дышәпацәоуп, аха нас дышнеиуа илыгхахуеит. Аа, улыхәаԥши
уажәы дпатматуа дшыҟоу, лцәалтәымкәа дыҟоу џьушьома, ус
дышнеиуа хшаа длоухуеит...
Асас ари ари аҩыза аниаҳа, илымҳақәа кны, иҩызцәагьы
иаргьы ҩеибаргылан, уаҳа ашҭа иҭамло, инықәҵны ицеит.
ааит, уара, ахҭыԥшша. Ҳаԥҳа хаҵа дцашазаргьы
лынасыԥ уара иуҿаҟәеит! — лҳәан дыҵҟьеит, ала иамҳәара
иқәылҳәацәеит иԥҳәыс.
Бара, ахҭԥышша бара бхаҭа бакәыҵәҟьоуп. Сара жәаха
ҽнак абазараҿ исҭиз сҽада зласҭизеи зыбгәахәуа?! Акы
рцәымӡакәа, иааҟанаҵо зегьы расҳәеит. Нас ишеимгәоу
анрасҳәа, аҟыԥҳәа иаархәеит. Аригьы дызлаҟам акы
ацысҵама? — иҳәеит Шьардын.
АКАҶБЕИРА
Хәаџьа Шьардын ианшьцәа рԥацәа ҩыџьа, ахацәа
бзиақәа, сасцәаны иҭааит, иҳәеит. Акранырфа-акраныржә,
ашҭа иқәгылаз аҵла ашәшьыраҿы итәаны, иҳамоу-иҳахӡу,
иҳаԥсҭазаашьоу ҳәа ишцәажәоз, асасцәа руаӡәк ус ҿааиҭит:
— Сара схы сгәалашәозараахыс гәҭыхак ауп исымоу, акы
заҵәыкоуп сзызхәыцуа. Убри анынаӡа, уинахыс уаҳа акгьы
сегьазхәыцуам, егьысҭахым.
— —Изакәызеи усҟак хәыцырҭас иумоу? Зынагӡара уадаҩу
ус бзиаӡак акәхап?
— —Хәыцырҭас исымоу, — иҳәан ҿааиҭит, — абри амшын
аҟәара иқәԥсоу аԥслымӡ цырақәа зегьы ԥараханы, убри аԥара
зегьы сара исымазар, уаҳа акгьы сҭахымызт.
— —Уи бзиоуп. Дасу ихы ишыԥнаҟо ала дхәыцуеит. Мап ҳәа
уазҳәода. Уара, уара хәыцырҭас иумоузеи? — егьи ианшьа
иԥа ишҟа даанаԥшит, иҳәеит, Хәаџьа Шьардын, — уара анцәа
узызиҳәозеи? Иаҳҳәап, уҿаҳәатәы ҟалозар, абри сыҭ, абри
сзыҟаҵа ҳәа иоуҳәозеи ҳазшаз?
— —Сароу? Сара Анцәа сызиҳәо, хәыцырҭас исымоу зынӡаск
даҽакуп. Сашьа ииҳәаз аԥслымӡ ахьықәԥсоу, амшын зегьы,
шьыри... Аа, ишәымбои, абри амшын зегьы марақьафындаз.
Capa акалам кны схықәтәаландаз. Скалам амшын-марақьаф
инӡаашьыло, адәеиужь-қьаадыш инанысҵалон.
— —Убасҟак аҳәатәы уманы, убасҟак бзиа дубома ԥҳәызбак?
— днаиазҵааит, ихәеит, Шьардын.
— —Инанҵо сҿынасхон шаҟа мааҭ сҭаху. Амшын-марақьаф
ҭабаанӡа скалам нӡаашьыло, адәеиужь-қьаад аанҵәаанӡа
ианҵо, ианҵо мацара, иаасырҭәуан. Саргьы сызхара ааҟалон.
Уаҳа сҭахӡамызт.
— —Уаргьы угәҭыха наӡо Анцәа иҳәааит, — днаиқәныҳәеит.

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 30
- Büleklär
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3267Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21610.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3271Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21080.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3269Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21100.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3131Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21750.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3330Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20880.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3365Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21280.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3286Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22270.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3331Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23210.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3210Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23240.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3293Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21190.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3221Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21170.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 12Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3292Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23260.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 13Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3399Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22840.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 14Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3360Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22860.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 15Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3312Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22590.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 16Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3301Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21940.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 17Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3279Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22660.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 18Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3327Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22740.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 19Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3319Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23200.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 20Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3328Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22440.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 21Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3373Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21670.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 22Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3378Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22340.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 23Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3395Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22630.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 24Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3328Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22220.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 25Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3348Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22230.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 26Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3322Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21840.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 27Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3241Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21490.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 28Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3286Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22260.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 29Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3337Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20410.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 30Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3341Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20120.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 31Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3303Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21060.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 32Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3375Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21080.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 33Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3391Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22450.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 34Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3314Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21250.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 35Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3309Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20500.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 36Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3332Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20280.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 37Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3258Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21470.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 38Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 1886Unikal süzlärneñ gomumi sanı 12020.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.