LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 28
Süzlärneñ gomumi sanı 3286
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2226
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
ҩызак аԥшаарц идәықәлеит Агәыжь. Арха иқәсуа, ахәқәа
ирхыҵуа, ицо, ицо ишнеиуаз иааԥылеит абгахәыҷы.
— — Ахәыцра уара иабауусу, ҩымш, — ҿаанаҭит абгахәыҷы,
— хьаас иумоузеи, узыргәаҟуазеи, аҟырмыгәажә исоуҳәар,
сыхшыҩ науласҵап, издыруада иухәаргьы?
— — Сара аҩыза сишьҭоуп, — инаҭанакит агәыжь, нас
абгахәыҷы иақәгәыӷны усгьы нацнаҵеит: — Усзыҟала уара
ҩызас.
— — Ии-уи, ии-уи! Агәыжь, уара убриаҟара убзамыҟәуп,
ужьараҵәҟьагьы иаԥсам. Сара гызмалрак иҵагаланы, исымжьаз ҩызас сызлаизыҟаларызеи!? — аҳәеит абгахәыҷы.
Агәыжь ахы акәажь-акәажьуа амҩа инықәлеит. «Ииашам
кәаноуп ишшоу адунеиажә. Уажәрахь унеиуа уаналагалакоуп
ус шакәу анеилукаауа», — ихәыцуан уи.
Арха иқәсуа, ахәқәа ирхыҵуа, ицо, ицо ишнеиуаз, ачықьра
иаалԥан, инаԥыххылеит Ажьа.
— — Улахь еиқәушәа узбоит, угәы бзиами, агәыжь? — аҳәеит
ажьа.
— — Мап, сгәы бзиоуп, — аҳәеит агәыжь, — сара аҩыза дсыԥ
шаарц сишьҭоуп, усзыҟала уара, ажьа, ҩызас.
— — Хье-хье-хье! — алымҳацәқәа еихыҟьа-еивыҟьа иааччеит ажьа. — Уара Агәыжь, зынӡаскгьы уцәыршәагаӡам.
Сара сызцәымшәо ҩызас дызлашьҭысхрызеи! — икаԥа-каԥо
аҭырасра инылашәкәа ицеит ажьа.
— — Аиҩызара ҳзеилаз, — аҳәеит агәыжь, еиҭах амҩа
иқәланы ишнеиуаз, Аалым анааԥыла.
— — Аиҩызара уҳәоу!? Изахьӡузеи, уара, уи? Сара усеиԥш
акгьы сыздыруам! — аҳәеит алым.
— — Уара бзамыҟә! Уара бзамыҟә! — Агәыжь ахьцоз
инашьҭанаҳәеит амахә иқәтәаз Амалаӷәыр.
Ҩыза дысмоугәышьозаап, сшызаҵәу сажәра сынҭалап ҳәа
ихәыцуа, агәы каҳаны, ахәқәа ирхыҵуа, архақәа ирықәсуа
ицо, ицо ишнеиуаз Агәыжь, аидара даҵақь иааиуаз Ауаҩы
дааԥылеит.
— — Ҩызас усзыҟала, — иҳәеит, Агәыжь ихы нақәкны, Ауаҩы.
— — Ҳаи, сышԥаургәырӷьеи! — наиаҭанакит Агәыжь.
Ауаҩы иеидара Агәыжь инақәиҵан, дахьцоз имҩахь
рҿынархеит. Убриаахыс еиҩызцәахеит урҭ.
1976
АӠЫТҞӘЕИ АҴАА ԤҼЫХЕИ
Адәы аҭаҩаҿараҟны иҭаиан аӡытҟәа. Амра аҽаҭаны,
сымшынхандаз, ианамуӡахгьы, сыӡиахандаз ҳәа ихәыцуан.
Убри аамҭазы ҵаа ԥҽыхак ҟылԥ арган аӡыҭҟәа иналашәеит.
— — Шаҟа уҟьашьузеи! — аҳәеит аҵаа ԥҽыха аӡыҭҟәа
азыҳәан.
— — Сара схылҩа-ԥсылҩаха аҳауа сналаланы, уаҵәы
ашьжьымҭан сӡаӡа раӡынԥсараха ашьац ԥшқа снықәҭәар
сылшоит, — аҳәеит ахы агәы ақәыбзианы аӡыҭҟәа.
1976
АРАҴЛА
— — Ӡыԥшаҳәакаҿ, дәеиужьк агәҭа, раҵлак гылан иҽырбо.
Ажәҩан иаркараз аԥсаатәмҩас иара иқәтәон рыԥсы ршьарц.
Амра кашыра иқәнакыз амҩа, уи амҵан изыхиан ашәшьыра.
Ураҭагалан, раҟәыбан, ҭыԥ рибамҭо идыршәшәон. Имҩас ицозгьы,
ааигәа инхозгьы рыстол архион аӡәырҩы. Иеиԥшын иара аԥсуа
нхаҩы, зчеиџьыка знапы иқәку — иҟәашә-ҟәашәӡа акаканқәәа
шаҟа шәҭаху жәга, ишәфа. Иҟамлацызт џьара махәыкаҿ какан
цырак ҿаханы, ашәыха амраӡо иргон имҵарс шаҟа рҭахыз.
— — Адәы аҵыхәан, аӡиас ашԥы ргыла, имҩасны ицон.
Ааԥынраказ еилахәашьха, амҩа ԥсахны, адәеиужь иажәлеит
ирбгауа. Иахьынӡалшоз адәаӡа аԥсра еиқәаҵәа иаҿагылт.
Џьаргьы дамба змамыз аӡӷьы адәы ԥыххаа иархәашон. Ахы
зықәшәаз ҳәагылаҵас, иаауан араҵла ашҟа, иҵнажәарц уи
адац.
Иавсуаз ауаа, ишырбозгьы араҵла шаго рымч зықәхоз,
рылаԥш назыршә, хара инавсны рымҩахь ицон.
— — Иааит ҭагалан, ара рҟәыбарц, ркаҵкәырқәа, ркьатқәа
рхиа. Усҟан ирыцҳашьо араҵла ргәаладыршәашт зегьы.
Алаӷырӡ азкаԥсо, бзиа ишырбоз иасны ирҳәашт.
Макьаназ, ахы иҩаха, араҵла гылоуп ишгылац иӷәӷәаӡа.
Жәҩангәы иалоу аԥсаатәмҩас амахә аԥнагалоит, инықәтәаны
аԥсы ашьарц. Хәыцрас иамоу — иаӡандаз —аҵыхәтәан иҿалаз
акакан ашәра.
1976
АҶЫНҶА
Адгьылҵысра ҟалан, иҭрысны ианаахыџхыџ, агәыргәырҳәа ибганы инеилаҳаит ашьха. Ихәашхәаша иахьҭаҳаз,
аԥсҭа шәаԥыџьаԥ ҭагыламкәа иҟәаҟәаса иагеит. Иаанхеит ҵла
заҵәык акгьы амыхькәа. Убри аҵла гәаҩара иааҭҟьеит ҷынҷа
хәыҷык. Ашьхарантәи адгьылҵысра иԥхаҵаны иаанацоз
аԥстәқәа, аԥсаатәқәа иаарылаԥшын:
— Ҳаи, сышԥашәеи, сгәы шԥаҭҟьеи! Соуразоуроу сеиҵас
сцоит. Адгьыл агәгәаҳәа иҵысны, агәыргәырҳәа ашьха анбга,
ахырзаман ҟалеит ҳәа сшәан, ԥуҭк ашша насықәӡыҭ ицеит! —
аҳәеит аҷынҷа.
Ари заҳауаз аԥстәқәа, аԥсаатәқәа, иаҳәо закәызеи ҳәа
иџьшьаны аҷынҷа иназыԥшит. Амшә аарылҵын, играмҽамуа
иааины, аҷынҷа ахьықәтәаз амахә инаҵагылан:
— — Уара ахәыҷӡа, сшьапхыц уаҟараӡамкәа, иуқәӡыҭышаз
ԥуҭк ашша уқәызҵазеи? — аҳәан иназҵааит. Аԥстәқәа, аԥсаа
тәқәа ааибарччеит. Амахә инықәԥала-аақәԥалан:
— — Уара, ахҭыԥшша, исықәыз ашша хәыҷы сара сзыҳәан
иԥуҭымзи, — аҳәеит аҷынҷа.
1976
АԤСАДГЬЫЛ
Еицырдыруа ажәаҳәаҩ, ауаҩ ҟәыӷа Естат Џьыкырба еизарак аҟны дықәгыланы дышцәажәоз, иажәа иналеиҵеит абас:
— Ауаҩы еснагь дыхиазароуп, еснагь ацәгьеи абзиеи
дрықәгәы-ӷуазароуп. Ҳарҭ, аԥсуаа, изныкымкәа ҳадгьыл
ҳақәӡхьеит. Аеҳәшьа ԥшӡа дызмоу ахацәарԥар ргәы ҭынчны,
икаххаа ишьҭаланы изыцәома?! Изхысҳәаауа, ҳара Аԥсны
ԥшӡа ԥсадгьылс измоу, еснагь ҳҟама хны, ишынҭаҳԥаара имазеины иҳаҟәнызароуп.
Ажәытә уаа абас еиԥш ажәаны ирҳәоит. Анкьаӡа зны, абыр
зени аԥсуеи еисит, иҳәеит. Абырзен ус ҿааиҭит:
— Ҿумҭын, акәымзар, аа, абыржәы, сҭаҷкәым аасраҵәар,
иркала сусны, ухы ухагылаӡамшәа иааухысхуеит! Аԥсуа ари
шиаҳаҵәҟьаз:
— — Сара сҭаҷкәым раҵәаны иҟоуп! — иҳәан, ишимчыз абырзен ихәдапара инкыдиҵеит.
1976
АДАРАКӘАЦ
Ашьапы илыҵакны иԥырҟеит аҵла. Адгьыл иазаанхаз ахҵәаха алаӷырӡ алҵәҵәа икаҭәон. Инавс-аавсуаз шәиԥхьыӡ азыршьҭуан, адаракәац мшаҽны адгьыл
ианыӡаарц. Иаргьы хҵәахаӡа, иқәҩааҵәҟьазшәа игылан. Ишылаӷырӡышоз ишабазшәа, алҵра иаҟәыҵит
иалҵәҵәа иаауаз аӡгьы. Иқәаҳхит ҳәа ргәы дырҭынчит уи
хзырԥаз. Усҟан ахҵәаха агәыцә иагәылаҵәахны иахьчауан аԥсҭазаара аиуа... Иааиуаз ааԥынраак, агәцә иналҵын,
ацәа ԥҽуа, ахы аалнагеит пытҟәырк. Амра аԥхареи аҳауа
зҩыдареи рыбзоурала апытҟәыр иазҳауан. Аԥхынра
ацамҭаз уи махәҭаханы, ҟамчык ахәы иаҟараны, иҟатаӡа
ахҵәаха иҩахагылт.
Иазҳауан ахҿиаа, ишырҳәо еиԥш, мшызҳа, ҵхызҳа. Иаауан, ицон ааԥынрақәа. Ахҿиаа амахәҭақәа ылнагон, агәыцә
шәуан, иӷәӷәахон. Акырынтә абӷьы каԥсаны аҿыц ҿалеит.
Рдунеи рыԥсахит уи зхылҿиааз аҵла ашьапы иҵызҟааз ауаа.
Уажәы иабаҟоу, иҵлахеит, иавсны ицо, иаауа ихы дҩаханы
даҵаԥшыр, ихылԥа ихшәаны икашәап. Иӷәӷәаӡа, ииашаӡа
адгьыл иқәгылоуп. Иқәгылоуп иара ахала адгьыл ԥсыла
иналҵызшәа. Иҟаӡамызшәа иаҵанарӡит изхылҿиааз ахҵәаха.
Уи акәын ахҵәахагьы иаҭахыз. Иара анеибгаз аҵкысгьы,
иахылҿиааз ӷәӷәаханы иазҳацыԥхьаӡа иӡыҭуа иалаӡуан баша
изқәымиааз адгьыл.
1976
АДЫРСЫЛА
Ааԥынрак алагамҭаз, аԥашәқәа шамаз иааҵихын, абнахьтә
иааганы, анхаҩы иуҭраҿ еиҭеиҳаит иҟатаӡа лҿыск. Абнаҿ
аҩызцәа акәшаны иавагылан алҿыс, аԥшацәгьа анаслак,
ирҟәибакуан, еибарӷәӷәон. Аpaҟа, анхаҩы иуҭраҿ, амацара
ианықәха, имчыдаха, ԥша ласкәантрак насыргьы шәшьыра
ҳаскьынҵас ихатыртыруан. Анхаҩы ари аниба, абнахь
деиҭацан, иара, убри еиҭеиҳаз алҿыс иавагылаз аҩыза ашьапы иныҵакны иԥҟаны иааиган инадирслеит. Цәҳарлагьы
инадҿаҳәаланы, наҟ днаԥырҵит.
Ааԥынра иаҵәаӡа, аҵиаа рзы ирҿыхагаха иаақәлеит
адәы. Зԥашәқәа еибга-еизҩыда еиҭаҳаз алҿыс, иахьеиҭаргаз
мыцхәы ихьаамгакәа, апытҟәырқәа ылнагеит. Иџьоушьаша,
апытҟәырқәа ылнагеит зшьаргәацә иҵахҵәаны, иҵәрыԥсаны
уи иаддырсылазгьы. Ҵәҩанс ишадырсыз изымдыруа, иахәа
ԥшлакгьы, издырслаз еиԥш, иаргьы еиҭаҳаз џьишьон.
Ааԥынра аҽеибнаҭацԥхьаӡа рҽеибырҭон алҿарақәа аҩбагьы.
Адырсыла иабон, иара зызку, цәҳарла изыдҿаҳәалоу аԥша
ихнамжәарц анкылара шакәыз, иара ахаҭа, бзахар аҵкыс,
ихҩаар иаҳагьы ишеиӷьишьоз ауаҩы. Аха, уара иушьуа
анцәа дишьуам ҳәа, апытҟәырқәа пытуа абыӷьқәа ылнагеит адырсылагьы. Аԥсра ианышәауамызт, иқәԥон. Иазеилымкаауаз, избан, иара иақәлаз, зыҵкыс еиӷьымзар еицәамыз,
аҩыза аԥашәқәа азныжьны, иара ашьапы иҵаԥҟаны уи изаддырслазеи?!
Ааԥынра ԥсхаҵага ықәҵны ианцоз, алҿарақәа ааннажьит рыбӷьы иаҵәа рҿассы. Анхаҩы далакьысуамызт адырсыла. Далакьысуамызт, избанзар, идыруан ԥхьаҟа изакә
мзаз иазыԥшыз. Иааит уи амза, абжьымра карццеиуа, асаба
аҿачы. Иқәԥеит, иқәԥеит аԥсҭазарааз, аха иалшоз зԥашәқәа
зыҵырҟаахьаз адырсыла. Инықәҩааит. Извадырсыз абыӷьқәа
иаҳа-иаҳа иџарџархон, иазҳауан.
1976
АВАЗА
Аҳаԥшьаӡҩы бзиабарала, иҟазара зегьы надҵаны иҟаи
ҵеит ашәҭ ваза. Убас иԥшӡахеит, нышәаԥшь иалхны дунеи
иқәнагалахьоу иара реиӷьын. Аԥенџьыр аартны иахьықәгылаз,
аҳаскьын, ашәаԥыџьаԥ зегьы еигәырӷьо иазыԥшуан. Урҭқәа
рбауан аирыӡи аҟәџьали. Даргьы анышәаԥшь иалхын.
Аҟәџьал амгәацәа ҭысҳаԥӡа, ашьапы ԥаҟьақәа рҳәазҳәазо
инкылсын, аваза иагәҭас-агәҭасуа, аԥенџьыр акьыԥшь аҿынӡа
инанацеит, аирыӡ ашьапқәа еихҳәа-еихҳәо, ахәда ҵәыр
маԥсӡа, анапоуқәа нагӡаны инацәхасит.
Иԥыххааса адгьыл инықәԥсеит аваза. Хьаас иҟарҵеит уи
иахьыз збаз, изаҳаз зегьы. Излыҵыз адгьыл иналаӡ ицон,
аԥшӡара акәмызҭгьы. Ашьац ԥшқара аалаган, ираӡынԥсараха
ирықәԥсаз аӡаӡала аваза ахәрақәа дырԥсаҳәеит, аԥсаҵла
аҷаб налнахын, иныбжьнашьит, ахәхәаҳәа инасын аԥша,
адгьыл инықәнар-кәымпылааит. Аԥҽыхақәа неидыла-еидыло мацара, ԥасатәи аԥшра-сахьа аахәаны, иԥшӡаӡа адәы
инықәгылеит аваза.
Аԥенџьыр аҟнытә уи иахәаԥшуан аирыӡи аҟәџьали.
1976
ААИЛАШӘШӘЫМҬАЗ
Амш лашара аԥсахәага ҭан макьана. Ахәларагьы, анаҟә
ҵаӷа иаҩызаха, иаақәлахьан адәы. Ҽынлатәи ахьычԥаԥыр
аҿҳәара нымҵәацызт. Уи ԥырԥыруа ашәҭ иахьнақәтәаз,
ааилашәшәра иахшаз уaхынлатәи ахьычԥаԥыр уаҟа иқәтәа
заарын, ишәан, инықәԥрааит. Ишынеиқәшәаз, бзиа еибабеит
урҭ ахьычԥаԥырқәа. Ԥыҭрак урҭ еицын, иԥырԥыруа аила
шәшәра иалан.
Амш ашьшьыҳәа иҿыцәаауа, алашьцара адгьыл ианына
хатәа акәапаҳәа ашьацра инылашәеит зыҿҳәара нҵәаз ҽын
латәи ахьычԥаԥыр.
— Ах, сыбзиабара, сыԥсахаара, ҳаиқәшәап, уаҵәы ацәы
лашамҭаз ҳаиқәшәап, — аҳәеит уахынлатәи ахьычԥаԥыр.
1976
АЦЫХА- ӠЫ
Ахаҳә дуқәа ирыҵкәраауа, абӷаларҭақәа рҿы хланҵы
инҭаҽҽо, џьара икәараҵо, ҽаџьара адәышшара инықәсуа, амшын ахь ицон ацыха-ӡы.
Ажәҩан иаҵаԥшуан уахынла. Уаҟа амза шкәакәаӡа ишеишеиуан. Аеҵәақәа еилыџьџьаауан. Игәырҿыхаган. Илашьцаран apaҟa, адгьылаҿ, уахынла.
Ажәҩан иаҵаԥшуан ҽынла. Амра шаҳәшаҳәуа икаԥхакаҷҷон. Апҟақәа рымҵәыжәҩа дуқәа, рымҵәыжәҩа ҟәашқәа,
ашыҩҵә-шыҩҵәҳәа иҟьауа, ажәҩан иаҵан. Урҭ цон иԥырны.
Ацыха-ӡы адгьылаҿ иҳәазо ицалар акәын.
Рԥашәқәа ӡааршьшьыланы, ацыха-ӡы зжәуаз аҵлақәагьы
ахьеихоз, ирызҳауа иахьцоз aжәҩан ахь акәын.
Ҽнак ажәҩан ҵамҵамра аҟнытә иԥырны иналбаан,
ацыха-ӡы ахықә аҿы инатәеит апҟақәа. Рызхара аӡы ыжәны,
рҽыӡәӡәа-рыҽрыцқьа иҩышьҭыԥрааит.
Ишанханы, ирыҵашьыцуа:
— О, апҟақәа! Ажәҩан ҭбаа ду иалоу апҟақәа! Шәарҭ амч
шәыласҵеит, аха сара схаҭагьы исҭахуп сԥырларц! Сыжәга,
саргьы сыжәга ажәҩан ахь! — аҳәеит, ирашьапқәа, ацыха-ӡы.
Апҟақәа бзиала ҳәа ирҟьеит рымҵәыжәҩақәа.
Имқәацаӡо иаангылеит ацыха-ӡы.
Аԥша-ҩa acyан. Амра каццеиуа иақәшуан.
Ихылҩа-ԥсылҩахан, адгьыл инықәбеит ацыха-ӡы.
Иԥҭаха ажәҩан иналалеит.
Аԥша иаамҵанарсит. Зны иагон иахьҵааршәыраз, ашьхақәа
рахь, ҽазны иҟәандашьшьыраз амшын ихнартәалон. Ишаҭаху
икыдҟьо, иама идәықәын.
Убасҟан адгьыл гәхьаанагеит ацыха-ӡы. Иара ахала амҩа
ылхуа, аҵлақәа рԥашәқәа ырԥсаҳәо, аԥсаатә ԥырларц, амч
рылаҵо, ицыха-ӡны, ԥаса ишыҟаз еиҭа иҟаларц аҭаххеит.
Шәахәаԥш иҟанаҵо анкьа ицыха-ӡыз аԥҭа. Зны абнар
шәырақәа инархаԥоит, ҽазны, аҽыларҟәӡаны, адәкаршәрақәа
ирықәчуеит.
Иацәыӡыз адгьыл ианазгәыклак, алабжышқәа рҿаархоит.
Абарҭ абыржәы ихақәҭәаз ақәа цәыкәбарқәа, убри алабжыш
қәа роуп.
1969
АКӘУА
Уажәшьҭа изгәалашәода, иахаандаз акәымзар, ирҳәоит,
ажәытәан, шьапы зҵаны иныҟәо, мҵәыжәҩа зманы иԥыруа
зегьы реиҳагьы ацәа ҟәымшәышәын, зегь реиҳагьы агәы аартын ҳәа Акәуа. Меигӡарахда иалазаарын ақьиара, агәрагара,
агәбылра.
Аӡиас ацҳа хнаҵеит Акәуа. Ргәы еибарӷәӷәо, еицны иқә
сырц, ахьаԥарч аманы иахьнықәлаз, сара схалагьы сықәсуеит,
уабасҭаху аҳәан, ахьаԥарч Акәуа иацәхасит. Ацҳа иалырҟьаны
аӡӷьы иналанажьит.
Ӡынрак азыҳәан ахьҭа цәгьахеит. Ихьҭашьуан адажә. Адәы
цәҳәы иқәхеит. Аҭыҩра ԥхаӡа иҭатәан Акәуа. Аҭрахьы адажә
нанагеит. Усԥырхагоуп аҳәан, аҭыҩра Акәуа ныҭнацан, адажә
ахала инҭатәеит.
— Аиаша ыҟамзаап адгьылаҿ! — аҳәан, ажәҩан ахь ицарц,
амардуан кыднаргылеит. Амардуан икыдланы ишҩеиуаз, уабацои арахь, ажәҩан зтәу сара соуп аҳәан, ацәа татара ашҳам
алаҵо, Акәуа иацҳаит ашхырцәаӷь.
Абасҟак цәгьарала, ҳарамрала иазныҟәоз, иаргьы убас
ҵәҟьа, ҳарамрала рызныҟәара ацымхәрас, харак адызшәа,
аԥхашьара иҟны иагон Акәуа. Иҵаа ԥҽыхаӡа, хьшәашәарак
ҭалон агәы. Ихьҭашьны, ацәа иҭало мацара, аҽахьчаларц,
аҽҭаҳәҳәа, акәылӡы акәнаршеит.
Уажәы, амш каххаа ианеилгоу, дыдреи мацәысреи еиқә
тәаны, аԥшасра анаӷьцәам, адунеи аҿы ақьиара, агәрагара,
агәблыра аиааизаап, аҳарамра, аибаҭира, аиӷарара адгьыл
ианыӡаазаап ҳәа игәырӷьаны, акәылӡы канажьырц, ахи
ашьапқәеи нҭырҳәҳәаны, аҿынанахоит Акәуа. Иԥхашьаны,
ихьҭашьуа, еиҭах акәылӡы инҭалоит Акәуа.
Иахаанхода уи амш акәымзар, ирҳәоит, шьапы зҵаны
иныҟәо, мҵәыжәҩа зманы иԥыруа, аҳарамра рыламкәа,
еибамҭиуа, аиӷарара рыбжьамкәа ианыҟалалак, ахаҳә
иаҩызаха, ацәа иакәршоу амсатә кәылӡгьы наҟ инкажьны, раԥхьа ишыҟаз еиԥш, ацәа ҟәымшәышә аартны адәы
инықәлоит ҳәа Акәуа.
1969
АШЬА
Акыр нызқь шықәса уажәаԥхьа, ӡахәашума, цәҳарума,
имԥыхьашәаз акы нахеиҵан, ишышьҭыԥоз, аҽшкыднаҟьоз,
мчыла аҽы абӷа днықәтәеит ауаҩы.
Акыр шәышықәса уажәаԥхьа, apaxә рцәа иалхны анахәҭа
аҟаҵашьа аниҵа, аҽы инахеиҵеит, аиха арҭәашьа аниҵа,
аӷәра алхны наҿеиҵеит. Зқьышықәса раԥхьа иибжьахьаз
аҽы еиԥшҵәҟьа, аригьы аҽкыднаҟьон, ишьҭыԥон, абӷахь
днанашьҭуамызт.
Мчыла дақәтәеит ауаҩы.
Акыр жәашықәса уажәаԥхьагьы убасҵәҟьа...
Сынтәа зны ақыҭаҿы снеит. Бырфын шахала иҟаҵаз аҟәараӷ
нахадыршәит мархәацк. Изхылҵшьҭраз зегьы уханаршҭрын,
убас аҽкыднаҟьон, ишьҭыԥон, убасҟак иуран абригьы.
Раԥхьаӡа иины адунеи иқәлаз аҽы иациит ахақәиҭра абзиабара. Убриаахыс ииуа ирыциуа иаауеит иахьагьы уажәгьы.
Ахақәиҭра абзиабара агәы иҭаишьырц, ихәаҽырц даҿуп
ауаҩы. Иауам. Раԥхьаӡа иины адәы иқәлаз аҽы ашьа иалаз
алалоит даҽа зқьышықәса ҳаԥхьаҟа иираны иҟоу аҽгьы.
Издыруада, абри азыҳәан акәзар аԥсуаа изырҳәо аҽы
ауаҩы ишьа алоуп ҳәа?..
1963
ГӘШАҬАРАЛА АИЦӘАЖӘАРА
Уажәы алахтыра ду ҟалеит, дад. Аҳаҭыреиқәҵашьа, гәша
ҭарала аицәажәашьа рҵоит ауаа шәҟәыла-быӷьшәыла.
Ажәытәан? Ажәабжьҳәара акәын хшыҩырҵагас иҟаз.
Гәшаҭарала аицәажәара азыҳәан абас ажәабжьны ирҳәо
саҳахьеит:
Мҩасҩык дышцоз, данынаԥш, зықәрахь инеихьаз хаҵак
имацара заҵәык амхырҭа дҭагыланы дшырашәоз дибеит.
Ицәымыӷхеит, дагьрыцҳаишьеит. Иаахтны иеиҳәар, игәаҟра
изымхошәа, саргьы иацсҵоит игәахәын, днахыкәшаны, ус
ҿааиҭит:
— — Бзиа ууит!
— — Бзиара убааит! — иҳәеит зымацара ирашәоз.
— — Шьыжьы узымгылазаап, — иҳәеит амҩасҩы.
— — Шьыжьы сгылеит, аха сеиқәымшәеит, — иҳәеит ирашәоз.
— — Уҩба шԥаҟоу? — ихәеит амҩасҩы.
— — Сыҩба хԥахеит, — иҳәеит ирашәоз.
— — Ухара шԥаҟоу? — ҳәа днаҵааит имҩасуаз.
— — Сыхара ааигәахеит, — иҳәеит ирашәоз.
— — Угәӡара зеиԥшроузеи? — иҳәеит амҩасҩы.
— — Сыгәӡара џьаџьахеит, — иҳәеит ирашәоз.
— — Умаӡа зеиԥшроузеи?
— — Сымаӡа аргамахеит, — иҳәеит зымацара ирашәоз.
Еилукаама, дад, урҭ реицәажәара?
Шьыжьы узымгылазаап ҳәа зиҳәаз, имацара амхырҭа
дҭамзи, иануаамҭаз, уаныҷкәыназ ԥҳәыс дааугазҭгьы, иуцхандеиуаз аҷкәын дувамгылози ҳәоуп. Ирашәозгьы, иаармаананы, иансааз, саныҷкәыназ ԥҳәыс даазгагәышьеит, аха
сеиқәымшәеит, хшара дысмоуит иҳәеит.
Уҩба шԥаҟоу ҳәа дызиазҵааз, иҩшьапык рзыҳәаноуп.
Сыҩба хԥахеит иҳәеит егьигьы. Ҩ-шьапык сымоуп, аха
сшьамхқәа кәадахеит, алабашьа сымкыр ауам ныҟәара санцо
ҳәоуп иаанаго.
Ухара шԥаҟоу зиҳәазеи? Уҩблак ихараны ирбома ҳәоуп.
Ихараны исызбом, иааигәахеит сылаԥш иҳәеит егьигьы.
Угәӡара зеиԥшроузеи зиҳәаз, ухаԥыцқәа еибгоума, ибзианы иҟаҟаны акрузыфома ҳәа диазҵааит. Егьигьы аҭак
шыҟаиҵаз умбои, сыгәӡара џьаџьахеит иҳәеит. Иџьаџьаны
акәгәышьоуп ишысфо иҳәеит.
Умаӡа зеиԥшроузеи зихәазеи? Ауаҩы ибжьы рхәыҷны
иуеиҳәар иуаҳауама, улымҳақәа ирыгхахьоума ҳәа диазҵааит.
Ауаҩы ибжьы рдуны исеимҳәакәа исаҳауам, сымаӡа аргамахеит иҳәеит егьигьы.
Абас, дад, гәшаҭарала, маанала аицәажәара рдыруан
ажәытәан. Уазхәыцыр, ихшыҩрҵагоуп.
1979
АУАҨИ, AЛЕИ, АҼИ
Раԥхьаӡа адунеи дышԥақәнагалеи ауаҩы? Аӡы иҭаз аԥсыӡ
дахшеит, рҳәоит, дад. Аӡы дынҭыҵны ахаҳә днықәтәеит.
Уи дызусҭадаз усҟан? Дегьуаҩын, дегьынцәан. Адунеи
днықәыԥшит анцәа-уаҩы.
Еимаҳаны илашьцан.
Дзаҵәын.
Ишо, ихәло иҟалааит иҳәеит.
Амши аҵхи еилыҵит.
Амшгьы аӡәгьы далимбааит.
Дзаҵәын. Адгьыл дықәын деимдо. Иибодаз? Адунеи ккаӡа
иҭацәын. Анышәаԥшь далхны, иара ихаҭа диеиԥшны, ауаҩы
дҟаиҵеит.
— — Сара саахынҳәаанӡа абри дыхьчала, — ҳәа наҳәаны,
ала наидир-шәалеит. Макьана дихәлаҭәҳәаны ауаҩы иԥсы
ҭаимҵацызт.
Идтәалоуп, дахьчоит ала. Убри аамҭазы аҽы аакылсит. Ишьацәхысуа ауаҩы дыԥхасҭанатәырц иалагеит. Ала
инанамышьҭит. Аҽы иеишуа, иеишуа мацара, иарырҳаит.
Анцәа дхынҳәны дааит. Иҟалаз ибеит, еиликааит. Даараӡа
дгәааит аҽы ауаҩы дыԥхасҭанатәырц иахьақәнакыз.
Ауаҩы днаихәлаҭәҳәан, иԥсы ихеиҵеит.
— — Абри иԥсы ҭаны адәы дықәзарц зҭахымыз аҽы, иныҟә
гара уара иуқәзааит, — иҳәан, иҽы днақәшәиит.
Ауаҩы днеин аҽы абӷа днықәтәеит. Убринахыс аҽы абӷа
дықәтәоуп.
Иааигәара иҟоуп, ицуп, дахьчоит ала.
Абас ажәабжьны ирҳәоит, дад, ажәытә уаа.
1970
ШЬРЫФ ИЛА
Изакәызеи, дад, узсазҵааз? Аа, исгәалашәеит. Аԥхьан,
ажәабжь ануасҳәоз: «Шьрыф ила иара данакыз еиԥш» ҳәа,
сажәабжьҳәара иналасҵаз ажәаԥҟа аума узызҵаауа? Уи
ажәаԥҟа зыхҟьаз сзымдыркәа. Сызхаану, хқыҭаҿ ииз, иааӡаз
зегьы шыздыруа еиԥшоуп ишыздыруа уи ажәаԥҟагьы иаишьахаз.
Дызгәаламшәо рацәаҩуп, Шьрыф зыхьӡыз, нхаҩ бзиак дыҟан ҳқыҭан, Аԥсара. Иԥсаҭа шкәакәахааит, идунеи
иԥсахижьҭеи акрааҵгәышьоит. Дуаҩ хыхәан. Зхы изахәо,
нцәагьы диҳәоит рҳәоит. Сызҭаху ирҭаху убас инхалааит
Шьрыф дшынхоз. Иман-ихӡын. Асасцәа ирфар-иржәыр бзиа
ибон. Уҩны дааир, удалаԥ дҭалозаргьы, крымфа-крымжә
дцомызт, иҩны унеиргьы, бӷарҵахьы дуақәԥон, душьыр
душьит акәымзар, арыжәтә уимыржәкәа, акруҿаимҵакәа
уишьҭуамызт.
Ҽнак, ишыҟаиҵацыз еиԥш, сгәыла снаидҵаалап, дшыҟоу
збап, ҳнатәап, ҳааицәажәап иҳәан, Ҳафиз зыхьӡыз, игәылара
инхоз Бигәаак инхара шыҟаз иҿынаихеит Шьрыф. Ирахәишәахә ахьчаларц ла еиқәаҵәа дук ааӡаны иман, убригьы; игәыла ибара дахьцоз инаишьҭалеит иқәасқәасуа.
Днаҵаҟьеит иҟәицарц. Аԥсуаа ҳҿы, ишудыруа, ула уцны сасра унеир ԥхашьароуп. Cаpa суаҩуп, сныҟәжәгап, аха слагьы
акраҿашәҵароуп, акрашәыржәроуп ҳәа роуҳәазшәа аанагоит.
Шырыф ицәымӷхеит ила ахьишьаҭалаз. Аҩныҟа ихынҳәырц
днаҵаҟьеит, аха иҵыхәаршәшәо, игәабзыӷуа ианалага,
иабасԥырхагоу, сахьнеиуагьы тәымџьарам, уажә сырбама,
сгәылацәа роуп, ссасым иҳәан, даҟәыҵит, иалаҿимҭит. Изна-
ушаз идыруазҭгьы, уахь снеиаанӡа илагәыдҵаны имшьуаз,
ухаҵкы сцеит.
Игәыла Ҳафиз илақәа уажә дырбазма Шьрыф, иеишынгьы
ишԥаҟалоз, аха уажәы, ала ицны данырба, илагьы иаргьы иаарысны иркит. Иара иҵкысгьы икҿарцалаӡеит илеиқәаҵәа.
Еиҟәысхып ҳәа дрыҵаҟьеит Шьрыф. Игәыла Ҳафизгьы ибжьы
ҿацаӡа инарықәиргеит. Урҭ Ҳафиз илақәа рыҽныркылеит. Иауам, иаангылом Шьрыф ила.
— Маҳ! Алышькьынтра уагааит! —ихәан, ила днаҵаҟьеит
Шьрыф. Изеишуаз игәыла илақәа иаарҟәаҵын, иааҳәны,
Шьрыф ила иара ихаҭа иеишра иалагеит. Иеишра иалагеит, аха
ишԥа?! Игәыла илақәа раҵкысгьы еицәахеит. Уҩыза дуаӷахар,
уаӷацәа зегьы раҵкыс деицәамхои, убри иаҩызахеит. Ҳафиз
илақәа никылеит. Нкылашьа амам Шьрыф ила, дамфар ауам,
иҟәаҵуам.
Убриаахыс ҳқыҭан, Аԥсара ирҳәо иалагеит: «Шьрыф ила
иара данакыз еиԥш» ҳәа. Уажә уи сгәалазыршәаз, изхыс
ҳәааз... Аха изхысҳәааз, сара исымҳәаргьы, шәара шәхалагьы
ижәдыруеит.
1970
АХЫМДЫР
Дыҟан, иҳәеит, ажәытәан, ҭауади-аамысҭеи рхаан,
Баҭалбеи зыхьӡыз шьнаҟмак. Урҭ ашьнаҟмацәа усгьы ишыҟаз
жәдыруеит. Рхы раҭәашьаны анхацәа рахь инеиуамызт,
ҭауади-аамысҭеи ахьааидтәалоз дара нарышьҭуамызт. Абжьара ибжьахашәа иҟан.
Хынҳабла инхоз анхаҩы Иуан Ҟазахә иҩнаҭа дасасит убас
зхы замхакәачрашәа иҟаз ашьнаҟма Баҭалбеи. Иуан Ҟазахә
зчеиџьыка бзиаз нхаҩын. Изыхӡузеи ачеиџьыка абзиара?
Иумоу ахәыҷы гәыкала, ублақәа хтны усас имҵаҵароуп. Аха
асасгьы иҟаиҵароуп иара иламыс. Имҵоуҵаз ҟәнымшьакәа,
уаҩҵас пату ақәиҵароуп. Шьамаҟак, ԥсасак изишьырц
иҭаххазаргьы, имагәышьамызт, иабааигоз Иуан Ҟазахә.
Игәара иқәыз агәагәшьқәа реиҳа иԥсылаз акы ишьын, акакан
сыӡбал иарганы, арашы аҵаҭәа инеиган, ашьнаҟма Баҭалбеи
инаимҵаи-ргылеит.
— Баҭалбеи, уххь згеит, какалк укып, унапы ӡык ақәтәа,
— иҳәан, Ҟазахә инапқәа игәыдыԥсала исас днаидгылеит. —
Уара уеиԥш иҟоу асас дахь иаҭәасшьаша акгьы сымам, аха
иҳамоу ахәыҷы...
Баҭалбеи инапы ааиӡәӡәан, аишәа днахагылеит. Цқьа дны
қәыԥшит.
Ашьамаҟа, ма аԥсаса акгьы шизимшьыз аниба, ишьҭахьҟа
даагьежьын, икәадырны иҿаҳәаз иҽы днақәтәан, ашҭа
дынҭыҵны дцеит, бзиала ҳәагьы аԥшәма иамҳәакәа. Дышиашаз иара убри ақыҭа аҩнуҵҟа инхоз Акәаӡба иҿы днеит. Акәаӡбеи Баҭалбеии еиуацәан, аха Акәаӡба дынхаҩын,
ацәгьеи абзиеи рҿы иашьашәалоу анхацәа ракәын дзыдгылоз.
Баҭалбеи Акәаӡба иеиҳәеит Иуан Ҟазахә ичеиџьыка
ымфакәа икажьны дшааз. Ицәымыӷхеит Акәаӡба. Игәы дҭа
хәыцуа дтәан. Ашьҭахь:
— —Ааит, ала гызмал Иуан Ҟазахә! Уара, ашьнаҟма дуӡӡа уанисасха, аԥсцәеирымга, иуаҭәеишьаз кәтаӷьк иалҵыз агәагәшь
аума! Анхаҩы иеишәажә ахатәароума уара иуаҭәоу. Иуаҭәоу
сара издыруеит. Ҳдәықәҵа, иааигәоуп, ақалақь аҿынӡа ҳнеип.
Асасааирҭақәа, акрыфарҭа дуқәа yaҟa иҟоуп. Ишуаҭәоу ҳтәап,
— иҳәеит Акәаӡба.
Ақалақьаҿ, акрыфарҭа ианыныҩнала:
— —Абри сызцу ашьнаҟма уаҩ беиа дук иоуп. Иареи сареи иаҳфогьы, шәыкрыфарҭаҿы иаатәоу зегьы ирфогьы,
иржәуагьы иара дадгылоит. Ишаашәылшо, ашьнаҟма дуӡӡа
ишиаҭәоу, астол ҳазшәырхиа, — иҳәан, ахәыҭаҩ илымҳа
дынҭахәыҭхәыҭит Акәаӡба.
Ахәыҭаҩцәа иаҳагьы еигәырӷьеит. Иасны астол дырхиеит.
Кәац хкыс иаауҭаху зегьы ықәырҵеит. Рыжәтә хкыс иҟоу зегьы
ықәдыргылеит. Уаҟа итәаз ауаагьы ирымҵагылаз рымҵырхит,
идырҿыцит.
Уажәшьҭа рнапы адыркырц анхаҩы Акәаӡбагьы ашьнаҟма
Баҭалбеигьы анынатәа, акы ихашҭызшәа дҩаҵҟьан, ус ҿааиҭит
Акәаӡба:
— —Баҭалбеи уххь згеит. Учеиџьыка сфартә, изжәыртә аамҭа
сымам. Абзиара узыҟалааит!
Уаҳа акгьы мҳәакәа дындәылҵны дцеит. Дышиашаз Иуан
Ҟазахә иҿы даакылсит. Игәагәшь иладтәалан рызхара рфеит,
иржәит. Ргәазхарагьы ашьнаҟма Баҭалбеи инаихыччеит.
Орҳан Шамба иҳәамҭоуп.
1978
ЗЫԤҲӘЫС ИЛЦӘЫМШӘАЗ
Қасаба зыхьӡыз аԥсаратәи нхаҩык асасцәа иҭааит.
Харантәи иааз џьоукы ракәын дара, исасцәа дахьқәан.
Пату рықәиҵарц, ишахәҭоу иныҟәигарц иҭаххеит Қасаба.
Акрырҿаҵара аамҭа анааи, иԥшәмаԥҳәыс кырлухьазар
гәеиҭарц, амаҵурҭаҿы днеит. Кәыркәа шоураха, аԥхӡы даганы, дгәамҵ-хамҵуа акрура даҿын Қасаба иԥҳәыс.
Ашәишәи рбаӷь еиԥш иҽырдаданы дналыдгылан ибжьы
хацала, ус ҿааиҭит:
— —Баpa, исҳәо бырҳа, ари абысҭа иҟьатацәаны ибуит!
Сысасцәа дуқәа исызрымҵаҵом сара ари аҩыза абысҭа!
— —Абысҭа зеиԥшроу уара уус алам! Усасцәа рхала инумыжьын. Убри ауп ахаҵа иусу. Убраҟа уцаны урыдтәала, — лҳәеит
лыбжьы мырдуцәакәа, аха иаараӷьны.
Лгәамҵра иаҳагьы инацлеит.
— —Ббысҭа ҟьатаны ибуит! — иҽирдадаӡеит Қасаба. Аԥскы
дыхҭеикит. Дылҟәамҵӡеит. Уаҳа ианимуӡа, згәахы кыдгыланы
иҟаз аԥҳәыс, абысҭа злалуаз амҳабысҭа лхаҵа ихакәмҷаҷыра
инажәылҵеит. Қасаба ихылԥа ихууаа ицан, амаҵурҭа агәҭа
инкаҳаит, иаргьы иԥсы иманы адәахьы дындәылԥеит.
Иԥҳәыс даахьаҳәын, ҭынч, акгьы ҟамлаӡазшәа, еиҭа акрура
дналагахит.
Қасаба амаҵурҭа абарҵа дыҵагылан. Ихы ркьынааны
дкылԥшуа, иԥҳәыс дызҿыз гәеиҭон. Иҟалақәаз акгьы ргәырҩа
лымкызшәа аниба, иҽырзажәны, игәы аархаҵаны, иԥҳәыс
деиҭанаизыҵҟьахыр, ишьҭахьҟа дшыҩра иҽырхианы, ибжьы
налықәиргеит:
— —Бара-а! Исҳәо бырҳа, алеишәацәгьа! Ҳара ҳажәла
зыжәлоу хаҵак адунеихаан ԥҳәыс дылцәымшәаӡац.
Схылԥа шьҭысхырц слеиуа џьыбшьозар, бгәы бажьоит.
Сшыбцәымшәауа бсырдырырц, даҽа зныкгьы ибасҳәап:
«Ббысҭа ҟьатоуп, даҽа зныкгьы иҟьатоуп!» Абригьы иҳәеит,
шәсыцхраа ҳәа дрыҳәарц иҭахызшәа, исасцәа paхь дыҩит.
Орҳан Шамба иҳәамҭоуп.
1978
ДАСУ ИАНИААМҬОУ...
Неихыркәа змамыз ҭаҳмадак, дыбӷарҟәҟәо амҩа даныланы дышнеиуаз, аԥаимбар дааиԥылеит, — иҳәеит.
— Иҟоузеи, аҭаҳмада, ушԥаҟоу? — иҳәан, ҿааиҭит
аԥааимбар.
— — Иҟахузеи, сшыҟоу убоит, сыԥсымкәа, сыбзамҟкәа адәы
сықәуп. Аԥсцәаҳа сара сзы дҟамлеит, — иҳәеит аҭаҳмада.
— — Ибзиоуп, аҭаҳмада, сара иузсырхынҳәуеит уҷкәынра, —
иҳәеит аԥааимбар.
— — О мап, мап! — дааӷьаҵәыӷьаҵәит аҭаҳмада.
— — Уи еиӷьу уаҳа иуҭахузеи! Уҷкәынра иацны иузыхынҳәып
умч-улшара, угәыбзиара!
— — Сымч-сылшара схы иқәскрын, егьирахь исцәигахьоу
зегьы сцәимгандаз сызшаз. Иабаҟоу сықәлацәа, сҩызцәа?!
Дабаҟоу сыԥҳәыс-сарӷьажәҩа?! Иабаҟоу сызхааныз, бзиа избоз зегьы? Исаҩсхит, иажәны иԥсит.
— — Урҭ раџьал аан ицеит. Уара уҟасҵоит уҷкәынаны, ԥсра
уқәымкәа, — иуамызт аԥааимбар.
— — Срыцҳашьа, аԥааимбар! Сыҷкәынра ырхынҳәны, ԥсра
сықәымкәа саныҟауҵа, исхызгахьоу зегьы даҽа знык ахыгара
сықәшәоит. Уи сара исылшом, егьысҭахым! — иҳәеит аҭаҳмада.
Абасоуп, дад. Дасу ианиаамҭоу дцароуп.
Басариан Аҳәба иҳәамҭоуп 1980
АДУНЕИ УБОНАҴЫ
Уаҩ ҟәыӷак дышнеиуаз, дыԥшызар, џьоукы еизаны акапанга иадгылоуп. Ауаҩы ихы ркапанырц иаҿуп. Иааҟәымҵӡакәа
агьырақәа, ахаҳәқәа ақәырҵоит. Иауам, ауаҩы ихы иаҳа акапануеит. Аӡлагара алуқәа ақәырҵеит акапанга. Башоуп. Ауаҩы
ихы зегьы раҵкьыс ихьанҭоуп.
Аҟәыӷа иҟалаз ибоит, аха ҿымҭ дрыхәаԥшуеит.
Ус ахы аацәажәан, аҟәыӷа ишҟа ҿаанаҭит:
— Иҟауҵаша удыруеит, аҟәыӷа, нас саргьы сызургәаҟуазеи,
арҭ агаӡақәагьы зургәаҟуазеи?! Схала исылшом, усыцхраа.
Аҟәӷа ишԥааҟаиҵоз, ишиҭахӡамыз, ашьшьыҳәа ахы
аблақәа аахиҩеит. Гьырак нақәиҵеит. Ҭынч иааикапанит ахы.
Усҵәҟьа игаӡазма анҭгьы. Иҟалаз еилыркааит. Ахы аблақәа
ааԥшуан. Ашәаԥыџьаԥ, ажәҩан, ашьхақәа, аӡиасқәа уҳәа,
иназхәаԥшуаз, аԥсабараҿ иаабо шынеибакәу убасҟак иара
иатәын, убарҭ зегьы рыкапан иара иакапанын иацлон.
Изхысҳәаауа, дад, ауаҩы... Угаӡам, ухала иудырп
изхысҳәаауа...
Басариан Аҳәба иҳәамҭоуп.
1980
УАӶА ДУМШЬЫН
Ацәгьара ҟазҵо, усгьы, ишыжәдыруа, ргәы-ргәаҵәа мра
шәахәа зҭамԥхац аҭыҩра иаҩызоуп, дад. Урҭ рус хәымгақәагьы
аҵх лашьца иалагәаноуп ишыҟарҵо. Убас иҟаз аӡәы, бзамыҟәшьыцҩык, аҵх иҽалакны, Ԥлиа Амтон иӡлагараҿ дынкылсын,
амца ацреиҵеит.
Ԥлиа Амтон, иқыҭан Лыхны мацара акәым, Аԥсны ахыаҵыхәа ахьынӡанаӡа-ааӡо деицырдыруан. Ажәа иҿан, Нарҭаа
ражәабжь иҳәон, жәларык ахы рызҭашаз уаҩын. Аџьҵла
амҵан бӷьаҭырҭас аҳәақәа ишыхҭаркуа еиԥш, ахьӡ-аԥша
змаз, Амтон иҵашьыцуаз ауҟахымыз. Иҵашьыцуа дызусҭада?
Анцәа згәы нирхаз, игаӡоу иоуп. Уи шәара ижәдыруа усуп, дад.
Амтон игәеиҭагәышьеит иӡлагара абылра ишаҿыз. Дыҩ
ны днеит. Амца убасҟак еибакхьан, ирцәарц далагаргьы, дша
мыхәоз ибеит.
Иҟаиҵагәышьооз! Иҭаҭыныжәга неиҵеиҵан, абырқьҳәа
аҭаҭын дахо, насҭха ахаҳә днықәтәеит деиқәышьшьы.
Дынкахәыцуа дыштәаз, иҟьаҟьаӡа иаашеит, иҳәеит.
Ус, ашьыжь шаанӡа, иџьықәреи илагарц, иааҵәа даҵаланы
даакылсит Амтон игәыла Аргәын Маҳҭы. Иџьеишьеит,
илакәишьеит Маҳҭы иибаз. Аӡлагара былны ақәццышәаара
иаҿуп, аҭаҭын дахо, хьаа-баа имаӡамшәа, насҭха ахаҳә
дықәтәоуп Амтон. Ибжьы ныҵакны: «Иаа, Анцәа уизылԥха,
ҳазшаз дрыцҳашьа», — ҳәа ныҳәаракгьы даҿуп.
— — Ҳаи, иузыҟалазеи, Амтон, ҳаи, сыԥсра убандаз! — иҳәан,
дидашшыло, далагеит ауаҩ қьиа Маҳҭы. — Ишԥаҟалеи, амца
шԥаки?
— Уаҩы бзамыҟәк амца ацреиҵеит, — иҳәан, нас, еиҭах,
ииҳәац: — Анцәа дрыцҳаишьароуп, Анцәа дизылԥхароуп! —
ҳәа нациҵеит Амтон.
— —Дарбан, уара, анцәа дыззылԥхо?
— —Сыӡлагара амца ацразҵаз. Анцәа дизылԥхароуп убри
абзамыҟә...
— —Абзамыҟә дышԥауныҳәо! Дызшаз дизыцәгьахо, иҵегьы
дыбзамыҟәханы, ҳаиуанҵас дҵаҳәаны, иааисуа илацәаӷәо,
уаҳа хшыҩ изҭамкәа анцәа дысирбааит! — иԥсахы ԥыжәжәон
Маҳҭы. — Ҳаблак ҳныҟәызгоз аӡлагара нықәыццышәаа
ишԥеигеи, уара!
— —Аа, Маҳҭы, абааԥс, уиҟәаҵ, думшәин, уи дызшаз знык
дишәихьеит, иҟаиҵаз убоит, даҽа знык дишәир, уажәы
дызлаҟоу аҵкыс деицәахоит, усҟан зынӡа ҳанхарақәагьы былны ҳахирҵәоит, — иҳәеит ауаҩ ҟәыӷа ду Амтон.
Гьаргь Максыс-иԥа Шьаҟрыл иҳәамҭоуп.
1980
АНАСКЬАГАГА, ААСКЬАГАГА
Хаҵа бзиак, иҳәеит, аԥҳәыс диҳәозаарын. Аицәажәара
иалагеит ҳашԥаҟалари, ибымоузеи, исымоузеи, ҳашԥанхои
ҳәа. Лара мал-мазарас илымақәаз анылҳәа, уара иумоузеи,
сузныҟугартә уҟоума ҳәа диазҵааит, иҳәеит.
— —Сара, уаҳа сылымшаргьы, бнаскьазцо, бааскьазцо быгсырхом, — иҳәеит ахаҵа. Уажәы иара еиҳарак еиликаарц
ииҭаху — амалқәа зегьы иреиҳау ахшыҩ ахьынӡалымоу ауп.
Илзеилымкаагәышьеит ус зхиҳәааз, аха еинасыԥхеит, еибагеит арҭ.
Иҵит уахык, ҩаха. Хаҵас ԥҳәысс еимоуп, иҳәеит.
Уахык рԥацхаҿы итәоуп. Рымца хәыҷы ҭааӡа еиқәуп.
— —Уара, ҳаибагаанӡа, бнаскьазцо, бааскьазцо быгсырхом
ҳәа акы уаҿын, изакәыз? — ҳәа ҿаалҭит аԥҳәыс.
Ахаҵа ҿимҭӡеит.
— —Уаҟа бтәаз, сааиуеит, — иҳәан, дындәылҵит. Еидарак
амҿы иманы дааҩналеит. Амца илақәиҵеит. Амца агәақьҳәа
еибакит. Иԥҳәыс амца анлыдшыла, лышьҭахьҟа даанаскьеит.
— —Иҟабҵозеи? — иҳәан дналазҵааит.
— —Снаскьеит, — лҳәеит аԥҳәыс.
— —Убри ажәа бхабмыршҭын, — иҳәеит ахаҵа. Итәоуп. Амҿы
блит. Амца маҷхеит. Аԥҳәыс дааскьеит ахәшҭаарахьы.
— —Иҟабҵозеи? — дналазҵааит.

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 29
- Büleklär
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3267Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21610.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3271Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21080.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3269Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21100.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3131Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21750.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3330Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20880.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3365Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21280.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3286Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22270.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3331Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23210.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3210Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23240.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3293Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21190.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3221Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21170.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 12Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3292Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23260.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 13Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3399Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22840.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 14Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3360Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22860.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 15Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3312Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22590.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 16Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3301Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21940.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 17Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3279Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22660.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 18Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3327Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22740.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 19Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3319Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23200.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 20Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3328Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22440.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 21Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3373Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21670.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 22Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3378Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22340.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 23Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3395Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22630.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 24Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3328Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22220.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 25Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3348Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22230.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 26Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3322Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21840.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 27Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3241Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21490.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 28Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3286Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22260.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 29Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3337Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20410.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 30Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3341Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20120.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 31Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3303Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21060.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 32Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3375Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21080.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 33Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3391Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22450.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 34Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3314Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21250.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 35Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3309Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20500.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 36Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3332Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20280.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 37Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3258Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21470.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 38Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 1886Unikal süzlärneñ gomumi sanı 12020.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.