Latin

Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 26

Süzlärneñ gomumi sanı 3322
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2184
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
ласыз уаҩы ҵаӷан. Ақыҭаҿы дынхон, ихатәы ԥсаса дрыцын. Ихәыцшьеи ицәажәашьеи рыла, дызҿу узымдыруазар,
дҵарауаҩуп уҳәарын.
Сара сзышьҭазгьы, ихаҭа ихы-иҵыхәагьы, иара иҿала иҳа­
р­ҳәар еиӷьуп.
Ҳаизыӡырҩып.
— Ауаҩы иԥшра-исахьаҵәҟьа данақәӡуаз ҳәа исҳәаз, Митра, аԥша исҿанагаланы исамхаҳәаз џьумшьан. Уара зҭоурых
еилукаарц уашьҭоу, ҳара аамҭала ҳзыҩназ, ахыбра ахьгылоу ақалақь ашҟа нхара ҳаиасаанӡа, cан, саб, саҳәшьа, зегьы
ҳаибганы ҳанеицыҟаз, абыржәы сахьынхо ақыҭаҿы ҳанхон.
Ҳқыҭаҿы иахьагьы уразҵаар, хаҵарԥыск иӡбахә уарҳәоит,
уимоу, ажәаԥҟак иаҩызаха, рцәажәара иалагеит «зыԥшӡара
иақәӡыз иеиԥш» ҳәа. Аԥсабара зегьрыла иагәаԥхаз, иалнахыз, дыблахкыгаха иԥшӡаз арԥыск далиаазаарын ҳқыҭа.
Ажәытәӡатәи ҵаск аҩажәижәабатәи ашықәсқәа раангьы инханы иҟан. Аԥҳәызба аӡәы дылдырбон, даҽаӡәы дизааргон.
Ашәакгьы ыҟоуп «илбаз иакәӡам дыззааргаз» ҳәа. Убри арԥыс
ԥшӡа убас дрыман ақыҭаҿы. Дганы аҭыԥҳацәа дыддырбон,
даҽа џьоукы ирзааргон. Убри дегьақәӡит. Иҵашьыцыз хаҵак
иҟаиҵама, даҽа џьоукы изларҳәо ала, бзиа дызбоз, axa иара
дзызхьамԥшыз ԥҳәызбак, сара уаныстәымха, даҽаӡәгьы
улмаӡароуп ҳәа, гәаӷшақә изылума, ишакәхалак, иахьагьы
ҳқыҭауаа агәра ганы ирҳәоит иԥшра-исахьа дақәӡит ҳәа.
— Исгәалазыршәаз... — ииҳәауа цқьа сазыӡырҩуазар
гәеиҭарц, даасы-хәаԥшит. Азыӡырҩра мацара акәым,
ақьаадгьы ишанысҵоз аниба, иаҳагьы иеиӷьишьеит. Даҽакгьы
сгәы иааҭасҳәеит иблақәа санырхы-ԥшыла, адунеи аҵыхәан
аӡәы иакәымк дақәшәар згәы иалсқәо дреиуоуп, аԥсҭазаара
иара изыҳәан еидара хьанҭамкәа иҟам.
Иажәа инациҵеит: — Уара еилукаарц иуҭаху акәӡамкәа,
даҽаџьара снанагеит. Митра, саҭанаумҵан. Аха уигьы
ԥсҭазааратә фактуп, иудыруаз. Уара ухаҭа ишуҳәаз еиԥш,
аҩны уҳәар, иҩным, абахҭа уҳәар, бахҭа аҟынтә руаӡәк убарҭ
ажәақәа иаҳа игәаԥхоу, мамзаргьы даҽакала игәалашәараҿы
иаанхоу, ҳазегьы инаҳгәалаиршәеит: ҵас иргыламызт. Убри
ахыбра ҳара ҳаныҩналоз, ибзианы исгәалашәоит, жәаа

шықәса схыҵуан. Цқьа уахәаԥшқәазар, игәоуҭеит, уи андыргылоз, ҳәарада, идыргылеит ҩныс. Ауаа ҩналарц, уаҟа
ичча-гәырӷьаларц, иҿиаларц. Ашьҭахь, Сталин ихаан бахҭас
иҟарҵеит. Ауаҩы уааҟәымҵӡакәа уӷьычҩуп ҳәа иоуҳәалар,
егьиашаҵәҟьаны, дышӷьычхо еиԥш, уи ахыбра абахҭа, абахҭа
ҳәа азырҳәауа мацара, абахҭа иеиԥшхаҵәҟьоу, мамзаргьы
аханатә бахҭаҵас идыргыланы, ашьҭахь, ҳара ианҳарҭоз,
нхарҭа ҩныс иҟарҵарц рҭахызу сыздыруам, аха уажәы
уаннахәаԥшлак, изызку узымдырӡозаргьы, ари бахҭоуп,
ауаа ирҭакырҭоуп уҳәоит. Ухы ламырҟәыкәа ашәхымс
узхымҵуа илаҟәуп актәи аетаж аҿы. Аха аҩнуҵҟа анышә
ҭыжааны, уҽеиҵыхны уаагылартә, агыдра ҳаракуп. Аҭӡамцқәа
бетонтәуп, убасҟак ижәпоуп, абомба хәыҵаԥжәаргьы
иазмырбгартә. Ауадақәа... Ауада ҳәа зларзуҳәарызеи, аҟарс
иеиԥшу, руак уныҩнысны, даҽакгьы ашҟа узнеиӡом. Дасу
хазы-хаз ашәқәа рҿоуп ашәқәа, цқьа уахәаԥшызар, ухаҭа
иубеит, убасҟак иҭшәоуп, ҩыџьа неивагыланы изыҩналаӡом!
Убраҟа, ҵаҟатәи аетаж, иаҳа ииашаны иуҳәозар, аподвал аҟны
акәын абаандаҩцәа ахьҭаркуаз. Хыхь, уахьынагәыдԥшыло,
аҩны иахьеиԥшу, абаандаецәа рыргәа-ҟырҭан, идырҳәацәон.
Абахҭа ахәаԥшыҩцәа, апалачцәа, мшәан, иара, аҳәынҭқарра
ахаҭа иахагылазгьы налаҵаны, зегьы ирызҭаз гәаҵәак, аҳәа
агәаҵәа акәын. Ираӷацәаз, мамзаргьы ӷацәас ирыԥхьаӡоз,
иахьырҳәынҷаз, иахьыриааиз, абахҭа иҭакны, дара ршьапы
иахьақәиҭугьы рызхомызт. Шәҟәык аҿы саԥхьахьеит, ауаҩы
иқьиара, иуаҩра амшыни акосмоси реиԥш аҵа рымам ҳәа.
Сгәанала, уи зҳәаз, ус иҟазарц иҭахыноуп. Ишыҟаҵәҟьоу
зынӡаск даҽакыуп. Иқьиара ацыха-ӡы еиԥш иӷәӷәоуп,
иқәыџьмароуп ҳәаак змаӡам. Срызхәыцлоит усҟантәи
апалачцәа. Урҭ реилкаара иаҳа иуадаҩуп, афашистцәа
рпалачцәа раҵкыс. Сара, анцәа иџьшьаны, исаҳаз, сзыԥхьаз
алоуп ишыздыруа, схаҭа сахааным. Сталин данԥсыз жәеиза
шықәса схыҵуан. Изхысҳәаауа, убас агәаанагара сызкылсит,
уи аамҭа ауаҩы ирхәашара, ишԥасҳәари, ихырбгалара иазкын. Зқьышықәсала иааргоз аламыс, ауаҩра, ауаҩи ауаҩи
реибаҭахра, зегьы, ҳаибаркны ҳазмоу зегьы архәашара...
Абардра зхьынҳалаз аҵла дрыцқьошәа иԥхьаӡаны, убарҭ —

аламыс, ауаҩра, аибаҭахра, жьрацәарала аибабарз — зегьы
наиҟәыҭханы, ихы дақәитәырцырц, иқәыџьмара ҿазҳәоз зегьы идыртларц иаҿын.
Уара уҵарауаҩуп, Митра, иаҳа иудырып. Ҩ-ажәак
еихысҳәаалоит. Иарбан милаҭзаалак, рхатәы бзиарақәа рымоуп. Сара аӡәы дласырҟәуам, аԥсуаа зегьы ҳреиӷьуп сҳәом,
ҳаргьы шаҟa цәгьара ҳамоу аҟара саныԥсра сахыԥааит, аха
абзиара иҳамоу ҳзаламыҽхәарызеи?! Ибзиара дуӡӡами,
иаҳҳәап, францыз ныҟәаҩык аԥсуаа ҳзы ииҳәаз? Ари амилаҭ
ҳәыркьиҩ заҵәыкгьы данамҭеит адунеи иҳәеит. Ақалақь Г. аҿы
ҳанынхоз, уаҟа ашкол санҭаз, ҩынҩажәижәабатәи ашықәсқәа
раан, ҳдиректор екскурсиаҵас ҳаигеит Аҟәа азааигәара иҟоу,
абыргцәа рыҩнахьы. Иахьа уажәраанӡагьы аӡәгьы иасымҳәац,
аха, сышхәыҷызгьы, сгәы хыҭхыҭуа сыԥшын, абри аҩнаҿы
аԥсуак дҟамландаз ҳәа. Уаҟа аԥсыуа дшыҟамыз анеилыскаа,
сгәы иахәеит. Изыхҟьазеи? Ҳәыркьиҩы заҵәыкгьы адунеи
дзықәрымҵазеи аԥсуаа? Иҟаӡамзи ахымхәацәа, аашьаҩцәа?
Аӡәы заҵәыкгьы дзыҟамыз абыргцәа рыҩнаҿы? Изыбзоуроузеи убарҭқәа? Жьрацәарала ҳаибабара.
Сара, иуаҳахьазар акәхап, саб данԥсы, саҳәшьа хаҵа данца, сани сареи ақыҭахь ҳхынҳәит. Сыхынҳәра зыхҟьақәаз
зегьы... Ишԥауасҳәари... Ҳақьым бзиак илабжьеигеит сан.
Чмазаразар акәхап. Убас егьыҟаҳҵеит. Схынҳәит аԥсабарахь.
Абаҩхатәра улоуп, Расым, ма укомпозиторхоит, мамзаргьы
усахьаҭыхҩхоит рҳәауан ашкол аҿы сырҵаҩцәа. Уи сыздыруам, аха издыруа убри ауп, саныхәыҷыз инаркны, лакә бааԥсык
аӡәы исеиҳәар, акыр мшы, акыр ҵхы сшьара сықәҟьауан,
сыцәа ҟьалауан.
Уи иазаауазеи.
Иҟалоит сара исхаразаргьы.
Сызааиуа зҭоурых уашьҭоу аҩноуп. Ҳара ақыҭаҿынтә
ҳшынҭаацәаз ҳахҵәан ақалақь Г. ашҟа анхара ҳцеит 1955
шықәсазы, ҭагалан. Саб аибашьра дахьыҟазгьы амашьына
дақәтәан. Ақалақь Г. аҟны шоферс аусура далагеит. Аӡәы иабжьигеит, акалақь анапхгараҿы унеи, ашәҟәы уҽҭаҩ, ауадақәа
роуразы аочеред уқәгыл мышкызны иуоур иудыруазеи ҳәа.
Убас егьыҟаиҵеит. Ҩыџьа асабицәа сымоуп, хыҵакырҭак

сышәҭ, шәсыцҳраа ҳәа данрыҳәа, алакә аҿы еиԥш, аҽныҵәҟьа:
«Абри аҭыԥ аҿы ҩнык гылоуп, ашҭа аҳәира ахыҵәаны.
ахаҭагьы аҭӡамцқәа кыдыԥԥа, ахыб акәзар, иԥыҽҽхьеит,
аӡәгьы иҭахӡам, аремонт узыҟаҵозар, иуҭахызар, уҩнал»
— ҳәа иарҳәеит. Саб, ԥсаҭа шкәакәа, ақыҭауаҩ, аибашьра,
агәаҟра, зегьы зхызгахьаз, тәамҩахә, цәамҩахә ҟамҵа, мызкы
ахала-аҵыхәала ҳаҩналартә иҟаиҵеит аҩны. Шиферла ихыбит. Аԥенџьырқәа, ашәқәа иԥсахит. Аҳәира зхыҵәахьаз ашҭа
ҳрыцқьеит.
Уи ахыбра ҳаҩнан шықәсыки хымзи. Ҳандәылҵыз ашықәс
акәым, амшгьы асааҭгьы сгәалашәоит. Иухашҭру абахҭа
уанҭыҵыз амш, асааҭ? Уи аҩни абахҭаҵәҟьеи ахьеиԥшым
акаҿоуп. Абахҭа уахьынӡаҭаку — уҭакуп. Ишбахҭоу удыруеит,
иудыруеит уара ушбаандаҩу. Аамҭалоуп. Уҿҳәара анынҵәа
уалгеит, уоурышьҭит, ухы уақәиҭуп. Уинахыс шәеиԥырҵит. Уара,
Митра, зҭоурых уашьҭоу, ҳара ҳжьаны, ҳнапала иаҳдырҟаҵаз,
ҳзыҩнарҵаз ахыбра, уахык иадамхаргьы уи аҩнуҵҟа иухугар
ужьы ҭыблааны адамыӷа унырҵар иаҩызоуп. Уԥсы ахьынӡаҭоу
иуцрыҵӡом. Удәылҵны уцеит. Сара сеиԥш, зынӡаск ақалақь
уалҵит. Уажәшьҭа сҭынчуп, анцәа иџьшьаны, саԥырҵит ҳәа
ушыҟоу, ҽнак ашьыжьымҭан уанааԥшлак, ухы убас иубоит,
убри узцәыбналаз ахыбра аҩнуҵҟа иуршазшәа, удәылҵны
цашьа умоуа уаҟа уҩноушәа. Ҳара, ишуасҳәаз еиԥш, уи ахыбра ҳаҩналеит. Сталин данԥсы, Бериа даныршь, ҩышықәса
ааҵхьаны, 1955 шықәсазы, ҭагалан, шықәсыки хымзи
ааҵхьаны, ҳдәылҵит, ҳдәылҵит акәым, икажьны ҳабналеит.
Иҟалап, сара уи ахыбра убас сахьазыҟалаз, исԥырымҵӡо
иахьсзынхаз ҩыџьа ирхаразар. Аӡәы — саб иоуп. Егьи —
аҭакәажә, аԥсцәа рынаур, Такәына.
Убраҟа ҳдәылҵны, ҳаибга-ҳаизҩыда, ҳаԥсы ҳаманы
ҳанца, зынӡаск даҽа уаҩхеит, дызлаҳамбацыз ала иҽеиҭеикит
саб. Акгьы иламӡауа, иҟазшьа цәгьахеит. Дааҟәымҵӡакәа
дызлацәажәоз, ма аибашьраҿы иҭахаз иҩызцәа ракәын,
мамзаргьы ҩажәи жәибжь раан идырӡыз, иршьыз. Убри зегьы иҳәон, хара дук ихы иадҵауа. Уизыӡырҩыр, аибашьра ҟалаанӡа иҭаркыз, иршьыз иара иҭеикит, иара ишьит,
аибашьраҿы иҭахаз, иара ихҟьаны иҭахеит угәахәрын. Иԥсы

ахьҭоу харак идушәа, исгәалашәоит, сан днаиқәцәҟьеит уахык: «Иҭаркыз, иршьыз, аибашьраҿ иҭахаз, уара иҭоукма, уара
иушьыма, ухы зыхурҟьоузеи?!» ҳәа. Сгәанала, ихы изанажьуамызт, акгьы рхараӡамкәа индырҵәаз рнышәынҭраҿы иара
қьафла шықәсыки хымзи дахьынхоз-дахьынҵуаз.
Уи ахыбрахь ҳнанамгаӡаргьы, ҳшыҟац, ҳқыҭаҿы ҳаҟа­
заргьы, аибашьраҿынтә иааигаз ихәрақәа ихьӡозар акәхарын
саб. Аха сара убасшәа сгәы иаанагауа саанхеит, иԥсра убри
аҩны иарласит ҳәа. Угәы иану ахәра акәым, уцәа-ужьы иамоу
ахәрагьы артытуеит агәыҵха хьанҭа.
Ҩыџьа аӡеибафара иалаҳар, руаӡәк, иҵааҟәрыламҭаз,
иҩыза аӡиас ахықә ахь дигәҭасыр еиԥш, саб инарцәмҩа
дықәлаанӡа, сара сеиқәырхашьа дазхәыцит. Уи ахыбра ҳандәылҵ, ҳаныбнала, сшыҟақәаз аниба, мчыбжьык
ааҵанӡа, Риҵа ахахьы, ашьхаҟа, ихьҭынчраз, симаны дцеит.
Ҳҭынхацәақәак аԥсаса рыманы игылан. Убарҭ рҿы саанижьит.
Аухаҵәҟьа сынҭаҳәахаа сыцәеит. Ишудыруа, аҩнашә ҿаӡам
ахьшьцәа рҭыԥ. Саргьы исҭахыз убри акәын. Ауада ашә ауркыр, сыцәазаргьы, сцәырҳаны сааԥшуан. Аҭакәажә Ҭакәына
зегьы ансалҳәа, мышкы-ҩымш раҟарагьы хар сымаӡамызт,
усҟак игәнызымгеит, аха нас, иаҳа-иаҳа сазхәыццыԥхьаӡа...
Уи зегьы аҳәара уадаҩуп, егьабаҳҭаху. Ажәакала, даҽа мшқәак
уи ахыбра аҩныҵҟа ԥхьатәыс исоузҭгьы, ахагацәа рыҩнахьы
сгатәхон. Ишьаарҵәыроу ахаҿқәа, ршьапқәа ирызнымкыло
иргәаҟу ахацәа, аҳәса. Исыздыруам Ҭакәына илазҳәаз, излалдыруаз. Ашәқәа, аԥенџьырқәа зегьынџьара абаандаҩцәа
рнацәкьарақәа авҵарханы идырҳәацәозаарын. Сызхәаԥшлак,
ашьа рывҵыжжуазшәа збон.
Ииашаны лыӡбахә уарҳәеит уи аҭакәажә. Ушылзыԥшӡам,
уанымгәыӷӡо аамҭазы, ашҭа агәҭа дшықәгылоу убон, мамзаргьы ашҭа аҵыхәан лцәаара унахьыԥшуан. Иҵуазеи уажәшьҭа,
ҩажәижәаба шықәса ирықәуп уи ахыбра амԥан сымнеижьҭеи,
аха иахьагьы иара анаасгәалашәалак, агәҭаны даларсушәа,
сыбла даахгылоит Ҭакәынагьы. Абриаҟара гәырҩа дақә­
шәахьан, лықәрагьы маҷмызт, иаалшәылымхӡо илшәыз ашәы
мацарагьы шаҟа ихьанҭаз уара уазхәыц, аха данныҟәоз,
лыбӷа иашаӡа, аҭарчеи налгозшәа акәын лныҟәашьа шыҟаз.

Асаара инышьҭасуан лыҵкы еиқәаҵәа, шәыла иҭаҳәҳәаз лхылҿы лҵәахуан, лыблақәа урхыԥшылар хәа дшәаны. Знык
улаԥш налықәшәар, убла дыххалон. Исыздыруам уи лзыҳәан
сгәаҿы аԥыжәара згаз иарбану, ацәымӷра акәу, мамзаргьы
дрыцҳасшьозу.
Ахыбраҿы уҟан, иубеит, ааигәа-сигәа зегьы бардрахеит, аҳәира ахыҵәеит. Ҳара ҳдәылҵны ҳанца ашьҭахь ииз
аҵлақәа, алартҟақәа рылухыртә идухахьеит. Бахҭас ианыҟази,
ашьҭахь, икажьны ианца, ҳара ханыҩналази, ишуасҳәаз еиԥш,
ҩышықәса ракәын ирыбжьысхьаз, аха ҳаннеи аҩны акәшамыкәша абардра заҟараз ала, апалачцәа ианыртәарҭазгьы,
еимиаахьан, аҳәира ахыҵәахьан. Изыхҟьазеи зугәахәуа?
Сталини Бериеи рыԥсы шҭазгьы, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа
рзыҳәан, уахь инаргоз абаандаҩцәа рхыԥхьаӡара иагхахьан. Иҟалазеишь? Азакәандара аанкылахама, мамзаргьы
адиктатура иаҳа иԥсыҽхоу? Аус шауц иауан аџьаҳанымӡлагара. Иҟалаз уиоуп, зыԥсы ҭаз атауар мачхеит Аԥсны.
Сталин изакәандареи, аҭыԥантәи ашовинизми анеицыла,
иҟарҵахьан. Аԥсуа хәадартәхьан. Уаҟагьы иаангыломызт.
Иазыӡбаны иҟан ҳшынеибакәыу ҳақәыргарц. Ҳара ҳәыԥла,
ҳҭакра иаҟәыҵит. Аҭырқәцәа, абырзенцәа ишудыруа, 1949
шықәсазы ихырҵахьан. Абарҭқәа анеицыла, абаандаҩцәа
рхыԥхьаӡара ианагха, имаҷхеит абахҭа иадӷырлоз ауаа
рхыԥхьаӡарагьы. Адгьыл инхәыҵиаауаз аҵиаа ԥасеиԥш
ашьапқәа идырҟьацуамызт.
Уара, Митра, аҭоурыхқәа урышьҭоуп. Хымԥада архивқәа
рҿы иҟалоит адокументқәа, иуԥшаарауазеи, еилукаарауазеи шаҟаҩы ршьыз. Сара издыруа убри ауп, уаҟа, ишубаз еиԥш, камерас иҟарҵаз ауадақәа жәабаҟа ыҟоуп. Аҩны
аханатә иандыргылоз уадас иамақәаз, ашьҭахь иацырҵаз
уҳәа... Акамерақәа уаҳа рызҭамкуа аҟынӡа ианҭәлак,
иааҭаку зегьы уахынла иаадәылыргон, иларгәыдҵаны иршьуан. Иахьаарымԥыхьашәоз, аҩны акәша-мыкәша иржуан.
Акамерақәа инарыҩнарцалон «атауар» ҿыц иааргаз.
Саб уи ахыбра анирҭа, ақьаԥҭа иахылаз иҟаиҵашаз далагеит. Ҳаҩналартә ианқәиршә-ҵаршә, напы алаҳкит ашҭа, ахыбра акәшамыкәша.

Иҟалап аҭакәажә уаанӡагьы днеилозҭгьы, аха ҳара
дҳамбозҭгьы, иҟалап, ианаҳрыцқьа ааира далагазар. Иша­
кәхалак, ҳара ианаҳба, иккаӡа уқәыԥшуа ашҭа анаҳ­рыцқьоуп.
Исгәалашәоит, ашҭа днықәаҳбааит ҽнак. Ауаџьаҟ амца ҭаҵаны
ҳаштәаз, саҳәшьа: «Нана, ашҭа аӡәы дықәланы даауеит» — ҳәа
ҿаалҭит. «Ҳаи, Анцәа иџьшьоуп, ҳаҩныҟа аӡәгьы дааиӡомызт,
гәылак дымҩахыҵзар, ҳаиԥымлауеи,» — лҳәан дындәыл­ҵит
ҳан.
Иҟалаз уиоуп, ҳашҭа аӡәгьы дҭалом, ҳаҩны уаҩ дааиуам ҳәа
гәалас иҳаман. Агәылацәеи ҳареи аиҭанеиааира ҳабжьаларц
азыҳәан, иҟаимҵоз ҳәа иҟааз саб! Аӡәы гәырҩак иоур, имаҵ
ахьиуша дашьҭан. Гәырӷьарак иманы иаҳар, иаҳәаӡамзаргьы,
машәыршәа дақәшәазшәа днеиуан. Ҭынхаҵас аҳамҭақәа
риҭон. Ҵаны, даргьы пату иқәрҵон. Инеира иеигәырӷьон.
Иара изыҳәан уаҩрас иҟаз ҩба заҵәык ракәын — агәылацәа
ҳаҭырла рызныҟәареи ажьрацәара апату ақәҵареи.
«Аҵла гылоуп ԥашәла, ауаҩ — ҭынхала,» — иҳәон. Зынгьы
дрызгәаауан ҳгәылацәа: «Иаразнак иубоит ишқалақьуаау.
Аламыс, аибаҭахра, ақыҭаҿы еиԥш, еиқәханы иҟам араҟа.
Ҳара ҳқыҭаҿы акәызҭгьы, сара исдырхыбуазма аҩны. Араҟа,
изакәызеи, цхыраара шәҭахӡами ҳәа, машәырнгьы аӡәы ибжьы имыргеит. Рынхара рцәаҳгазшәоуп ҳашҭа ишҭаԥшуа,»
— ҳәа дырзаӷьуан. Усҟан иабаҳдыруаз агәылацәа ҳаҩны иахьымнеиуаз зыхҟьоз!
Анаур... Алакәқәа рҿы иумаҳахьеи анаур аӡбахә?
Ақьаԥҭақәа, анышәынҭрақәа рҿы... Уахынла, уимоу, ҽынлагьы,
ауаҩы исахьа аҭаны ицәырҵуеит анаур. Аҭакәажә ашҭа
аҵыхәан сылаԥш шаалықәшәалак, сыбла иаахгылон анаур. Игәаҭаны исыман, амра амшын инӡааларц, ҵлак ашәара
аҟара анагу аамҭазы акәын лара еснагь данаауаз. Цқьа
игәоуҭазар, ахыбра мыжда ахьгылоу аҭыԥ, даараӡа иҭыԥ
ԥшӡоуп. Ашьҭахьҟа, шьаҿақәак уахьынаскьо, ашьхақәа
унарҿалоит. Урҭ ӡынгьы-ԥхынгьы еҵәала иҭалаҳауп, аха
еиҳараӡак иблахкыгахоит ааԥын. Ԥштәыс иҟоу зегьы
рыла еилыӷраауеит. Ишуасҳәаз еиԥш, сара ашкол санҭаз,
сырҵаҩцәа агәра ганы иҟан ма скомпозиторхоит, мамзаргьы ссахьаҭыхҩхоит ҳәа. Аҩбагьы сылымҵит. Исмоугәышьеит

иахәҭаз аҵара, ааӡара. Изхысҳәаауа, ссахьаҭыхҩар, ма
скомпозиторзар, сааҟәымҵӡакәа убарҭ ашьхақәа рсахьа
ҭысхлон, ашәа рхысҳәаалон. Ауаа злеиԥшым ааԥшуеит
рхәыцшьала, рцәажәашьала. Ашәаԥыџьаԥ рхы злеиҭарҳәауа,
излеиԥшым ҳәа ирымоу, излахәыцуа иарбану? Рыԥштәы...
Рыбӷьқәа рыԥштәы. Аԥштәы иақәнагоу амелодиа анузыԥшаа,
ишәаҳәеитоуп урҭ ашьхақәа. Убас иҟоуп аԥсабара ахыбра
ашьҭахь. Аԥхьаҟа акәзар, уахгьы-ҿынгьы утәаны унаԥшла.
Ашҭа акалҭаҿы, шәҟа метра уахьынаскьо, амшын aгәapa
унхықәгылоит. Aҟәapa ҭбаауп, џьара ихаҳәссароуп, ҽаџьара
иԥслымӡроуп. Мышкы ахала-аҵыхәала акырынтә аԥштәы
аԥсахуеит амшын. Еиҳараӡак ухы уханаршҭуа уатҟәоит амш
анҵәамҭазы, сзыԥсоу жәдыруаз, сыгәхьаажәгала уаҵәынӡа
аҳәошәа. Ҳашьха қыҭа кажьны, ҳахҵәаны уи ақалақь ахь
ҳцаанӡа, аӡбахә смаҳацзар, сынхыԥшыланы исымбацызт амшын. Исгәалашәоит, зхала абахҭа иҭалаз иеиԥш, аҩны мыжда ҳаныҩнала, мшқәак ааихьаны, ҽнак, ахәылԥаз, абарҵа
сықәгыланы, амшын ашҟа саанаԥшит. Абҩатә гәыблаа
иеиԥшха, иҟаԥшьшьӡа, амшын инӡаалон амра. Убасеиԥш
шәахәа-цҳак амшын ихнаҵеит, сыҩны снеит аҟәарахьы, ацҳа
снахькьысырц, аха capa ахықә аҿы саннеи, ацҳа амшын
агәахьы инаскьеит.
Аҭакәажә Ҭакәына, ишуасҳәаз еиԥш, лхы инаркны лшьапа­
нынӡа шәымаҭәала деилаҳәаны, алашә илаба анышьҭеик­
шауа еиԥш ллабҷашь нышьҭакша-шьҭакшо ашҭа аҵыхәан
даацәырҵуан. Еимдо лҿыналхон. Дыбӷарҟәҟәо дышнеиуа,
игәоуҭазар, ашҭа мрагылара аганахьала шымҳа дук гылоуп,
убри ашьапаҿы днатәон, лхы-лшьапы ҳәа умбаӡо, шәытак
деиԥшха. Дзеиԥшыҵәҟьаз, анцәа агәнаҳа сумырҳәан, алаҳәа
еиқәаҵәа акәын. Сан убас егьылҳәеит ҽнак: «Шәыԥшы, ани,
алаҳәа еиқәаҵәа, еиҭах ашымҳа амҵан итәеит!» Аха аҭакәажә
лхы-лҵыхәа анеилылкаа, заҵа алаҳәа дадлымкыларыз! Уи
лцара-лаара даҽакалоуп ишидикылаз саб. Ашәы лшәызаргьы,
Анцәа иџьшьоуп, ҳашҭа аӡәы ишьапы ҭаиргылеит, издыруада,
ҳаҩны агәылацәа ааиуа иалагар иҳәеит. Днеины длыҳәеит
аҩныҟа дымҩахыҵырц, аха илымуит. Ԥаса араҟа дынхозар акәхарын, ашҭа лгәы азыбылуеит, днықәыԥш-аақәԥшыр,

лгәы лырҭынчуеит, шәылԥырхагамхан ҳәа днаҳалабжьеит.
Аҩныҟа бааи, акыр ҳазбыхәома ҳәа анлеиҳәалак: «Акгьы,
нан, акгьы сҭахӡам, сара уажәшьҭа анышә аамышьҭахь акгьы сыxәoм», — лҳәон, илуамызт. Уи илҳәац акәын, аха ҽнак
лажәа иалалҵаз акыр ҳархәыцит, изхылҳәааз ҳзымдырит
акәымзар. «Анышәынҭраҵәҟьагьы сара исаҭәамхеит. Шәара
шәахьыҩноу ԥырхагас анцәа ишәимҭааит», — лҳәеит.
«Изакәызеи, иаҳԥырхагахода? Шәылҟәаҵ наҟ! Зхы еивысхьоу аӡәы лоуп. Ашҭеи анышәынҭреи лзеиҩдырааӡом!»,
иаахижәеит саб. Уизхәыцыр, изиҳәазеи ҳәа уизгәаауам. Дарбану згәы иахәауа, мчыбжьык, жәамш рахьтә знык ма ашҭа
неимылдалар, мамзаргьы днықәсны дцалар иузымдырӡауа,
зхы инаркны зшьапанынӡа ашәы зшәу аҭакәажә. Дыԥхоуҵар,
ухы иузаҭәашьом, арахь угәалаҟара бжьылхуеит.
Абасҟак аҭакәажә лыӡбахә сзалацәажәаз, даҽаӡәы сыздыруам, аха сара санлызхәыцлак, илхылгаз исанаҳәо
рацәоуп. Илхылгаз ҳәа, лхаҭа илхылымгеит, аха уи иақәшәаз,
лыҷкәыни лашьеи роуп. Ԥсы зхоу уаҩԥсык адәы дықәнаҵы,
хашҭшьеи рӷьашьеи амоуа, агәырҩацәгьа рзыҟалеит
ажәларқәа усҟан. Аҵла зырҩаша ахәац аҩнуҵҟа иаӷриаауеит
ҳәа, аԥсуаа ҳасасдкылара иахҟьаны, ҳаргьы иаҳзеицәаз
ҟаҳҵеит, егьырҭ ажәларқәагьы иакәым иақәшәеит. Дсасуп
ҳәа аԥсуаа дҳамҵәахызҭгьы, аӷба рҳәны даныбналаз, аполициа драҳҭазҭгьы Ԥаҵақьала... Уажәшьҭа иуҳәеит ҳәа акыр
иухәома! Сара исзеилкаауам, иаҳҳәап, уаҳа иамузааит,
иҟалазааит аграждантә еибашьра, аха уинахыс ихьчатәӡамыз,
ауаа еиҳараӡак иуаазтәуа, еиҳараӡак еидызкылауа —
жьрацәарала реибабара, ҭынха-ҭынҵыла раҳаҭыреиқәҵара?!
Алаф наҵазҵогьы дубап ажьрацәара анцәа иныҳәааит ҳәа
аныҳәаҿа анышьҭаҳхуа. Шәарҭ, аҵарауаа шәшахәаԥшуа
сыздыруам, аха capa сгәанала, убри аныҳәаҿа иит
аграждантә еибашьраан, аби аԥеи анеиҿагыла, аиашьеи аиашьеи анықәибахуаз аамҭазы. Ашьҭахь, аҳәынҭқарра зегьы
анбахҭаха, аибаҭира хеиқәырхагас ианыҟала, аныҳәаҿа:
«Ажьрацәара анцәа иныҳәааит» — иаанахәеит ихтны
ирымҳәоз даҽа ҵакыкгьы: «Аамҭацәгьа ҳҭагылоуп, ахыбгалара даҿуп ауаҩы, ҳхы еиқәҳархап, ҳауаҩра ҳмырӡып.»

Ирацәан уи ҵакыс иарҭақәаз. Абасҟак ажәа уанасыршьы,
уажәшьҭа иуасҳәап, Митра, аҭакәажә Ҭакәына лхы — лҵыхәа,
лара лҿала сара, жәаҩа шықәса зхыҵуаз ахәыҷы исалҳәаз,
ашьҭахь ҳара ҳҭаацәа, иҵааҟәрылауа аӷба шаҟа уласны иузкамыжьра, уи ахыбра кажьны ҳаныбнала, акыр анҵгьы, саргьы саныҩеидас, ауаагьы ргәы иҭоу имшәакәа ирҳәауа аамҭа
аныҟала, аӡәырҩы рҟынтә исаҳаз, инеизакны схаҿы иаанхаз.
Ақалақь Г. аҟны сара сзызҵааз аӡәгьы еилкааны изымҳәеит
уи ахыбра зыргылаз дызусҭоу, насгьы нхарҭс иргылоу, мамзаргьы даҽакы иазку. Аҵара бзианы измоу, аҭоурых здыруа
екскурсиамҩаԥгаҩык ииҳәаз абри ауп, Асовет мчы Аԥсны
ишьақәгылаанӡа, уи ахыбра ҭауадк итәын, амаҵуҩцәа
ҩнеиҵон. Бахҭас иҟаҵаны ирыман, Москватәи апалачцәа
анықәӡааз ашықәсынӡа. Амца акыр ишкармыжьрыз икажьны
ибналеит убри ашықәс азыҳәанҵәҟьа.
Ҩ-ажәак еихысҳәаалоит. Уара, Митра, уашьҭоуп усҟантәи
ашықәсқәа рзыҳәан иҭахаз ауаа рҭоурых. Ҳәарада, ауаҩы
иԥсҭазаара иеиҳау акгьы ыҟам. Аха иҟами убасеиԥшқәа,
зыда ауаҩы иԥсҭазаара акгьы иаԥсам. Исҳәарц исҭаху,
ауаҩы дыҟоуп, деиқәхеит, адәы дықәуп, аха иԥсҭазаара
башоуп, ҳаиуанк аԥсҭазаара иаҩызоуп. Урҭ Москватәи
апалачцәа, ирцәеиқәхаз ауаа, рыԥсҭазаара башахарц
азыҳәан, шаҟа цәгьара ҟарҵаз еилкаашьас иамоузеи,
ашәҟәгьы уаҩы изланиҵозеи! Убри ахыбра мацара акәым,
аҭыԥантәи апалачцәа ақалақьгьы кажьны ианцоз, уахык
шаанӡа амӡырхаҿы агәгәаҳәа еиқәызаарын амца. Ақалақь
аҭоурыхгьы, иара ахыбра атәгьы, еиҳарак уаҟа индырҵәаз
ауаа ртәы зҳәауаз уҳәа, акы аанмыжькәа, документс иааҟаз
зегьы рыблит. Џьара саԥхьеит, жәаа рзыҳәан убас ҟарҵахьан
ҳәа аменшевикцәа. Убраҟагьы урҭ ркәал иҭагылан. Ақьаад
ублыр, иццышәутәыр ауеит. Ишԥазууеи апалачцәа зегьы еизугаргьы рымч зқәымхауа — ажәлар ргәынкылара?! Иумбои, аҭакәажә лыӡбахә уаҳан, аҩны аҭоурыхгьы еилукаарц
уҭаххеит. Сара, уи ахыбра аҩнуҵҟа ашьаӡагәаӡа аныҩнашуаз
иҿыцныҟәаз, ибзианы сахаанушәоуп ишыздыруа. Саргьы
даҽа џьоукы ирасҳәап. Ус ицалап. Уҩналазар иубеит. Абахҭа
иеиԥшуп аҩны аподвал. Хыхьтәи аихагыла ҩнык шаабац

иҟоуп. Акы заҵәык, хыбрак излеиԥшым, ауадақәа хәҷқәоуп,
излеиҩкаау аҭӡамцқәа жәпоуп.
Иҟалап, уажәшьҭа иԥсҭазаара далҵхьазар, иқәра дуун,
насгьы уаӷоу-саӷоу ихигаша ихигахьан, ақалақь уахьналҵуа,
раԥхьатәи аҳаблаҿы дынхоит ерманык. Саркис ихьӡуп. Убраҟа
дҭакны, иааҟалаз зегьы зыблала избаз, ашьҭахь Калымаҟа
ихырҵаз, машәыршәа зыԥсы еиқәханы иааз ҳәа издыруа
убриаӡәк заҵәык иоуп. Убри иҳәон уаҟа ауаа шындырҵәоз.
Ҩыџьа еиваиар, ахҩыктәи ишьапы дықәгыламзар амуа
иҭшәоу акамерақәа рҿы иҭаркуан убасҟаҩык, рызегь
еиваҟҟы еивагылан. Уаҳа амкуа аҟынӡа ианҭәлак, аҵхыбжьон
иаадәылыргон, аҩны азааигәара анышә аадыржны ишьны илҭарыжьуан. Саркис дызлеиқәхазу? Саргьы убасҵәҟьа
сизҵааит. Ибз ихаԥыцқәа нарықәрӷәӷәаны исирбеит. Шықәса
ҩажәа ракәын ихыҵуаз, аха абыргцәа раҵкыс дҟәыӷахеит.
Ҳазҭашәкызеи, цәгьарас иҟаҳҵазеи, ҳашәзашшуеит ҳәа
иԥаԥашькуан дегьызеиӷьым ахацәақәа. Убри иахырҟьаны,
рус иаҳагьы еицәартәуан, иара акамера данынҭарцала, аҿаҳа
иҽынеиԥштәны, ажәак иҿыҵимыршәеит. Сызҭашәкызеи,
санбоушәышьҭуеи ҳәа изакәызалак акы дырмазҵааит.
Уантәи дыргеит Дранда. Уаҟа хымз дҭакын. Заҵа дмашшрыз,
убраҟагьы сзыхшәырҟьазеи ҳәаҵәҟьагьы дырмазҵааит. Иарбан статиоу изықәдыргылаз, шаҟа шықәса иқәырҵаз Калыма
даннарга, шықәсыбжак анҵоуп ианеиликаа. Абасеиԥш иҟоу
ахара удуп, утроцкиступ, жәашықәса уқәуп ҳәа аниарҳәа,
ибзиоуп, шәара ус ишәҭахызар, иҳәеит, уаҳа ирымаимкит.
Аҭакәажә Ҭакәына лыҷкәыни иареи камерак аҿы иеицҭакын.
Данырҟәаҟәа, дыршьырц ддәылганы даныргозгьы дибон.
Уигьы ибзианы идыруеит иҟалаз. Лара лҭоурых... Лҭоурых
ахьӡми, лара ҳашҭаҿы дызнеиуаз, илзыҟалаз агәаҟрацәгьа
атәы шәасҳәаанӡа, цәгьамзар бзиа уаҩ дахыччом ҳәа, ажәа
уасмыршьызар, изхызгаз иҳәамҭаны, убасҟан иҟалаз даҽакы
уасҳәоит.
Реиҳа амца анакыз, ашықәс еиқәаҵәақәа ианыршыкьымҭаз
акәын. Иаҳа иргада, инхада ҳәа ашьжьымҭан инеизҵааааизҵаауан. Хәылԥазык, ианааилашәшәуаз, ҭаҳмадак
дырбаандаҩны дыргарц инеит ҩнык аҿы. Дҭаҳмадоуп,

аха убасҟак иқәра дуун, убасҟак дажәхьеит, иара иакәым,
имаҭацәаҵәҟьа рхала изҽыжәымло рықәрахь инеихьеит.
«Убаандаҩуп, уҳаццароуп» — рҳәеит. Иуҳәо заҳауа дабаҟоу!
Илымҳақәа раҵкьыс еицәоуп ишьамхқәа. Енкьеҩедеиаа,
нас имаҭацәа уҳәа, зегьы еицхыраан, ирулак, ддыргылеит.
Дышьҭыхны аҽы дақәдыртәеит. Дақәыҩрны акаҳара даналага, аҽы дақәҿарҳәеит. Аҽы аҿы ианкны, асакаса данҵаны
днаргозшәа, ирулак, ахыбра мыжда аҟынӡа днаргеит.
Уиакәхеит, аухаҵәҟьа илаигәыдҵаны дыршьит. Уазҵаашт,
иарбану араҟа уаҩ дзырччауа ҳәа? Адырҩаҽны апалачцәа,
абаандаҩцәа ишраҳауаз, ркьатеиах ԥҵәауа еибырҳәауан,
аҵлаҳәысҭа ивакны аҵықь ҳәа ианхыслак: «Исмаҳаӡеит, дад,
иуҳәаз, убжьы иацҵа!» — иҳәозаарын.
Еиҳараӡак дқәыџьмаханы дрылан палачк. Уи ахьӡ ҷыдагьы
иҭаны ирыман. — Ҽышьап. Икшара, иреицәоу аҽы ҵыгьны иусыр иаҩызан. Зныктәи икшарала, зегьаҭам ахаҵа иԥсы ааихихуан. Уи иӡбахә зуасҳәауа, аҭакәажә Ҭакәынеи, уи лыҷкәыни,
лашьеи, иареи еидҳәалоуп азыҳәаноуп. Апалач Ҽышьап
импыҵашәаз абаандаҩы ма инарцәмҩа днықәиҵон, мамзаргьы даниргәаҟлак, данирҳәацәалак ашьҭахь, иԥсы еиқәхар,
дырхынҳәны акамераҿы даннаргалак, акыр мшы, акыр ҵхы
ихдырраҿы дзааиуамызт. Аха аԥсабара, ишудыруа, усоуп
ишыҟоу, зегьы нагӡаны аӡәы инаҭаӡом, ацәгьарагьы абзиарагьы. Амч, реиҳа иӷәӷәоу акәзаргьы, иаҿагылаша, иара аҵкыс
ииааиша, даҽа мчык цәырымҵыр ҟалаӡом.
...Ҽнак, дырбаандаҩны дааргеит, зынаур аҩны ҳдәылнацаз,
ахлымӡаах иақәшәаз аҭакәажә (усҟан доуҭакәажәыхыз)
Ҭакәына лыҷкәын. Ахшыҩ акәымкәа, амч аҳра анауаз урҭ ашықәсқәа раан, амч иаҿадыргылаша даҽа мчык,
иҟаӡамзаргьы, иӡбатәхон. Изхысҳәаауа, иҟалап, ихаҭа
дызлаҟаз инацырҵазаргьы иӡбахә зҳәауа, инацырҵозар
амч иаҿагылаша даҽа мчык ҟаларц азыҳәан. Ҭакәына
лыҷкәын иӡбахә аауазҳәалак, раԥхьа ирҳәауа инацәкьарақәа
ртәоуп. Ацәаӷәацә ажәҩашәаҟьа анимҵарҵалак, агәҭаҵәҟьа
нацәкьысла днасны иаакылиҵәон. Аҽеимаа анааникылалак, иаархәаны инкаиршәуан. Иқыҭаҿы еизарак ыҟазаарын.
Адәы аҵыхәан зыбжьара иахыԥаз ацә тәҩуасуазаарын.

Ҭакәына лыҷкәын ашьҭахьҟала дынкылсын, иҩнапык рыла
ацәкша ауаҭәа лҭарс иҩышьҭихын, агәышҵа харххала илкаижьит. Даҽакгьы уеизгьы-уеизгьы инацырҵоит иӡбахә
ианалацәажәауа. Инапқәа ржьы умбауа, ирхьыссы ахәы
рықәиааны иҟазаарын. Шаҟаҩы, аӡәы иӡбахә ианалацәажәауа,
Ҭакәына лыҷкәын иеиԥш дыӷәӷәан ҳәа, ражәа иналарҵо
саҳахьоузеи. Ихааныз роума, дихаанымкәа ӡбахәла мацара дыздыруа роума, аӡәгьы иҳәо смаҳаит данҭаркуаз
дзыхдырҟьаз ҳәа. «Ауаа андырӡуаз дҭаркит лыҷкәынгьы!» —
ҳәа иаахдыркәшоит. «Ауаа» ҳәа иззырҳәауа, зыхшыҩи зусқәеи
рыла хьӡи-ԥшеи змаз ракәын, Ҭакәына лыҷкәын аԥсаса иманы
ашьха дықәын, дыхьчан. Хшыҩла уамак дыҟамзар акәхарын,
аха «ауаа» ҳәа анырҳәоз иаргьы дзахырԥхьаӡалоз, сгәанала,
имч азыҳәаноуп. Махашьахала амчгьы аҭахуп аԥсҭазаара,
насгьы бзиарамзар цәгьара ҟазымҵауа амч. Ҳаргьы иаҳҳәап
убас, ажәлар рҿы ишырҳәауа еиԥш. Аyaa анҭаркуаз дҭаркит
Ҭакәына лыҷкәын. Асовет мчы ааурҳәырц угәы ишҭаз, Сталин
душьырц уҽазыҟаҵаны ушыҟаз ала уҿы уқәшаҳаҭхароуп,
ашәҟәы унапы аҵауҩыроуп рҳәеит. Урҭқәа иара иԥхыӡгьы
иаламшәац. Ддыршәарц иалаган, иуршәо дабаҟоу! Дааргеит апалач Ҽышьап. Ирҳәоит ибзианы дидыруан ҳәа Ҭакәына
лыҷкәын. Дегьынаихәаԥшит, игәы лҭаҳа ицеит.
— — Уис, узыԥшузеи?! — апалач иқәҳәҳәоит, аҽгыла
ианаҵаҟьауа еиԥш. Ҽышьап инапқәа шьҭих акәым, дахьгылоу ишьамхқәа аарла дныркылоит. Ашәарыцаҩцәа ирҳәо
саҳахьеит, егьа иӷәӷәамзаргьы, агәаҽанӡамкәа, ақәыџьма
анаԥыраҳалак, аҿы акуазаап ала. Убас дҿаҳаханы даанхеит
ари апалач.
— — Иҟалазеи, иухьзеи? — инаиазҵааит.
— — Наҟ дындәылыжәгар ишәасҳәоит, — иҳәеит.
Дындәылыргеит Ҭакәына лыҷкәын.
— — Иласгәыдҵаны сышәшьуазаргьы, ари сара дысзыпҟом,
сымч иқәхом, сишәмыршьын.
— Ацхыраара узҭаша даҽаӡәы дузааҳгар, ҩыџьа шәымч
иқәхару?
— — Жәаҩык аажәгаргьы ҳихәаӡом. Акьынтыжә еиԥшоуп
инапқәа злаҿаҳәоу ашаха шԥиҵәауа. Соурышьҭуеит хаала

ҳәа дгәыӷуеит акәымзар, сара ибзианы дыздыруеит, уажәшьҭа
дҭыҵны дцахьазаарын абахҭа.
— Иԥсыхәоузеи? Рҳәацәашьас имоузеи?
— — Дыҟоуп аӡәы, иара духазыршҭуа. Дирҳәацәа акәым,
знык дисыр дахькаҳауа дызгылаӡом. Сабиҵас даанкыланы, ишаашәҭаху дышәзипҟоит, ишәҭаху ашәҟәгьы инапы
аҵаиҩыртә дҟаиҵоит. Аха ԥырхагас иҟалаз, уи ауаҩ аӷламҭоуӷани иареи, ажьрацәара рыбжьоуп.
— — Излеизыҟоузеи?
— — Аеншьеи аеҳәшьаԥеи роуп. Шәара ижәдыруазар акәхап,
аԥсуаа рҿы ажьр-ацәара идуӡӡаны пату ақәуп, уи еилазгаз
ауаа рылагылара даԥсам, дуаҩым ҳәа дрыԥхьаӡоит, дрылырцоит.
— — Ианшьа уҳәоу? Иаҳагьы еиӷьуп дахьианшьоу. Дирҳәа­
цәа акәым, инапала иаҳәшьаԥа дышкнеиҳауа убап, рҳәеит
еинкьеҩедеиаа.
Аус еиқәаҵәақәа усгьы жәынгьы-ҿангьы аҵх лашьца
иалагәаноуп ишыҟарҵо. Аухаҵәҟьа дырбаандаҩны дааргеит
уи ахаҵа, Ҭакәына лашьа. Егьиашаҵәҟьаны aӷлам даҩызан,
ицнапык ала адауы дихәруеит уҳәарын.
Сара даҽакгьы сазхәыцлоит, Митра.
Уажәы исҳәауа анумҵан. Capa сзыҳәан закәыхи, амаҵура
сцәыӡуам, апартиа салырцом. Аха уара иуԥырхагахар ҟалоит.
Сара сахаанхашам, аха мышкызны, ишысабииз згәы ҭырымҟьаз,
уаҩҵас ааӡаракгьы зауз абиԥара еиҵагылап. Ҳабацәа, урҭ
рабацәа зҭагылаз закә аамҭаз цқьа еилаҳамкаакәа, ԥхьаҟа
цашьа ҳамам рҳәар, убасҟан, акьырсианцәа ишырҳәауа еиԥш,
Aycӡбара Амш Ду анааилак, ирҳәашт, ҳара ҳаамҭа ахы аныҵнах,
жәибжь шықәса раан инаркны, шаҟаҩы ршьыз, шаҟаҩы
ҭаркыз, ирҳәашт ахшыҩ шыбаандаҩыз, ҩыџьа абзамыҟәцәа
рнапхгарала ҟәӷак илахьынҵа аӡбара ишақәиҭыз... Зқьыла
том ирымкуа рус ақьаад ианҵаны ишьҭырхышт. Иахьа уаҩы
дшазымхәыцыц еиԥш, агәра ганы сыҟоуп, убри, Аусӡбара Амш
Ду аангьы аӡәгьы ишигәаламшәауа зыӡбахә аҳәара иаԥсам
акеиԥш ишырыԥхьаӡауа, ажәлар зылхәдаахаз даҽакгьы —
махашьахала аӷәӷәара. Ахшыҩи адоуҳаи рымацара ракәым,
ажәлар ргәашьамхгьы дыркәадеит, ргәашьамх. Пату иқәын

ажәа бзиа зҿаз, аха махашьахала иӷәӷәазгьы, ажәлар раԥхьа
идыргылақәо ирылаԥхьаӡан.
Ажәаԥҟак саҳахьеит узырхәыцша. Иахьгылоу иеиҭаҵӡом,
иҳәеит, аҵлақәа. Аха рааигәара аӡмах ҭатәазар, урыхәаԥши
аҵлақәа, ршьапқәа зегьы аҳәынҵәа рыхьтатоуп. Иабаанагеи? Аҳәақәа неины аӡмах инҭалоит. Иҭыҵны ишааиуа, аҵлақәа рҽырхьыршьуеит. Амҩа иангылоума, инаскьагоума, аҳәынҵәа ахьтатамкәа аанхашьа амам ҵлакгьы.
Исгәалазыршәаз, машәыршәа џьара аӡәы ихы изеиқәмырхазар, зегьы аҽрыхьнашьит уи аамҭа. Ахшыҩ змаз ихшыҩ
ма ихәаҽтәын, мамзаргьы аиакәым арҟаҵатәын, абаҩхатәра
злаз, ибаҩхатәра бжьыхтәын, зымч ҭаз, имч аарҳәны иламыс
иаҿаргылатәын.
— — Сызшәырбаандаҩызеи, сзыхшәырҟьазеи? — днараз­
ҵааит Ҭакәына лашьа.
— — Уск удаҳҵоит, ианыҟаумҵа, уареи ҳареи бзиарала
ҳзеилгом.
— — Иарбану? Уаҩ дзыхәо акы акәзар ишԥаҟасымҵои?!
— Уаҩы цәгьак дҭакны дҳамоуп. Дыӷәӷәоуп алым аҟара,
ахшыҩ имам акәымзар. Асовет мчы даӷоуп, Сталин дишьырц
акәын. Диеихсны акәмызт дишьырц шиҭахыз. Инапқәа рыла
даанкыланы, дхәырны. Убри азыҳәан мацара имч ҭеиҵон,
иҽазыҟаиҵон. Урҭқәа зегьы ҳара ибзиаӡаны иаадыруеит. Иуам, иҿы иқәԥҽуам. Уара ушԥеизыҟоу абас еиԥш згәы
иҭакыз ауаҩ?
— —Сиаӷоуп, —иҳәеит аригьы. — Ҳаамҭа ссир хирбгаларц
згәы иҭаз дахьҭашәкыз, ҳәарада, ииашаны иҟашәҵеит.
— Дҭаҳкит, уажәшьҭа уара уоуп аус злоу. Иҿы иқәша­
ҳаҭхароуп, дурҳәацәароуп.
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 27
  • Büleklär
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3267
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2161
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3271
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2108
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3269
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2110
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3131
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2175
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3330
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2088
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3365
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2128
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3286
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2227
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3331
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2321
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3210
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2324
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3293
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2119
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3221
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2117
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3292
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2326
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3399
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2284
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3360
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2286
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3312
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2259
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3301
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2194
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3279
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2266
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3327
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2274
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 19
    Süzlärneñ gomumi sanı 3319
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2320
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 20
    Süzlärneñ gomumi sanı 3328
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2244
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 21
    Süzlärneñ gomumi sanı 3373
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2167
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 22
    Süzlärneñ gomumi sanı 3378
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2234
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 23
    Süzlärneñ gomumi sanı 3395
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2263
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 24
    Süzlärneñ gomumi sanı 3328
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2222
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 25
    Süzlärneñ gomumi sanı 3348
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2223
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 26
    Süzlärneñ gomumi sanı 3322
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2184
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 27
    Süzlärneñ gomumi sanı 3241
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2149
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 28
    Süzlärneñ gomumi sanı 3286
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2226
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 29
    Süzlärneñ gomumi sanı 3337
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2041
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 30
    Süzlärneñ gomumi sanı 3341
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2012
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 31
    Süzlärneñ gomumi sanı 3303
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2106
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 32
    Süzlärneñ gomumi sanı 3375
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2108
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 33
    Süzlärneñ gomumi sanı 3391
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2245
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 34
    Süzlärneñ gomumi sanı 3314
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2125
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 35
    Süzlärneñ gomumi sanı 3309
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2050
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 36
    Süzlärneñ gomumi sanı 3332
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2028
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 37
    Süzlärneñ gomumi sanı 3258
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2147
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 38
    Süzlärneñ gomumi sanı 1886
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1202