LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 24
Süzlärneñ gomumi sanı 3328
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2222
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
шәнапы еикәшәыршәа, шәуааха ҳәа раҳәара ацымхәрас,
уара, аҵарауаҩ, ироуҳәо закәызеи?
— — Схаҭагьы гәҩарас исыман. Инарҳәы-аарҳәны акәымкәа,
абыржәык ишаауҳәаҵәҟьаз иҟасҵоит. — Санҵамҭа ааимсхит.
— Иԥжәаны икасыжьрыма?
— — Инахараны устол амгәа иҭаҵа. Аамҭа цап, иахаану
рдунеи рыԥсахып. Амала иахьаҵәҟьа Хҭырԥа еиқәаҵәа ҳәа
зыӡбахә уҳәауа ихьӡ, ижәла наҟ иԥсах. Иара дыԥсыргьы,
ихылҵыз ирхылҵыз уҳәа, џьара аӡәы дҟамлар ауӡом.
Уи ииҳәаз нагӡо сааиуан иахьа уажәраанӡа. Аҵыхәтәанынӡа
изынасмыгӡаз... Аха шьҭа ишәасҳәап аҵарауаҩ дызсырԥхьаз
ахаҭа, нас: «Иазхоуп, агыгшәыг анца ашьҭахь ахысра иалагаз ашәарыцаҩ сахьынӡаиеиԥшыз, — ҳәа сгәанала изысҳәаз,
иегьызцәырызгаз.
...1970 шықәсазы ҭагалан акәын. Украинатәи режиссиорк аԥсуаа иҳахҳәааз акино ҭихуан. Иҳаибадыршьахаз,
ҳаицныҟәарақәа уҳәа зегьы зышәҭахузеи. Аԥсуа иламыс
иаҵанамкуа, ицәаԥҽыгоу ҳәа ииԥхьаӡо џьара акы аламшәара
ахылаԥшра — абри акәын сара уи акино аҿы сзызкыз.
Ианаҭаххоз даҽа ускгьы насыгӡалон. Сҭырџьманын.
Акино аҭыхра иашыкьымҭан. Қыҭа бзиак аҿы ауаа
еизаҳгеит. Ақыҭа бзиа зысҳәо, ԥсабарала иахьыԥшӡаз,
мал-мазарала иахьбеиаз азыҳәан акәым. Ауаа ламысқәа
еиқәханы иҟоуп ахьуҳәашаз қыҭан. Убас аӡбахә ҳарҳәахьан.
Ашьҭахь иҟалаз, абри уамак акәымшәа, ихәыҷӡоушәа иубауа, аха ауаҩы акырӡа иазҳәауа ахҭыс ишьақәнарӷәӷәеит,
егьиашаҵәҟьаны убас иҟаз қыҭак шакәыз.
Ишыжәдыруа, акино аҭыхра азыҳәан ажәҩан ацқьара
аумаӡа аҵанакуеит. Аҽны, ҳазшаз иџьшьаны, ажәҩан ԥҭацк
хыршәламызт. Ага иҩахыкны иҵыкка, иҭацәын. Ашьхақәа
ракәзар, убла агәы ԥнаҟо ицырцыруан ирықәжьыз асы.
Арежиссиор Микола аҽны иҭихырц иман абри еиԥш иҟаз
асцена.
Аԥсуаа адунеи иаақәнагалазар аахыс ахьыԥшымразы
ақәԥара иауаҿыхым. Ахақәиҭразы аибашьраҿы дҭахагәышь
еит ахаҵарԥыс гәлымҵәах. Ахҭыс ҟалоит азежәтәи ашәы
шықәсазы, аҭырқәа импыҵыҵырц азыҳәан аԥсуаа аурыс
идгыланы ианеибашьуаз аамҭазы. Ақыҭаҿы ираҳаит иҟалаз
арыцҳара. Иҭахаз аибашьҩы иҭаацәа ашәаџьҳәаҩцәа
рзынарышьҭыроуп. Шәаџьхәаҩыс ирышьҭыша арежиссиор ихаҭа иалихырц азыҳәан, ақыҭа ашҭаҿы еизыргеит
анхацәа бзиақәа, ауаа быргқәа. Ирыҳәаны инаргаз реиԥш,
зхала изаҳаны инеиқәазгьы ҟалеит. Урҭ зегьы ажәытә аԥсуа
маҭәала еилаҳәан. Рыхҭырԥақәа, ркәымжәы, ркаба, рҟама
чаԥақәа, ишааԥынраз, ишԥхарразгьы, аӡәырҩы ауапақәагьы
ршәын. Ацәа-шәҵатәы еиԥшҵәҟьа, акино аҟынгьы ибзианы
иҭнахыр иҭахны, арежиссиор аӡәырҩы ирымхны дрыхәаԥшит
рлабашьақәа. Аӡәырҩы дразҵааит уи ҵакыс иамақәоу,
ианныҟәо ишыркуа, ианцәажәо иахьадырсуа...
— Ашҭа шәанҭалалак, иҭахаз ахаҵарԥыс — афырхаҵа иаб
даашәԥылоит. Уи џьоукы агәашә ишҭалаз анибалак, дгәырӷьоит,
дҿаԥха-ҿаччоит. Аха нас аԥсшәа шышәымҳәо ангәеиҭалак,
цәгьарак шыҟалаз дырны, деиҵаӷәӷәа даагылоит. Убри
аамҭазы, шәарҭ, шәаџьҳәара инеиз шәҟынтә ишәаԥхьагылоу,
даашәылҵны, илабашьа иаԥхьа инарсны... — асценари иахьаныз даԥхьон, сара аиҭагара саҿын, уи асцена аҵак ду
азҭоз арежиссиор.Уи убас иҟаз уаҩын, адунеи азна дшыразу узымдыруазар, иԥсахеибакра иахҟьаны, шәнеицәҳаны,
шәааиԥырҵуан. Абасҟак аҵак ду зиҭоз, илахьеикәҵагаз асцена рзеиҭаҳәара дшаҿыз, џьоукы аӡырҩра ианаҟәыҵ, даҽа
џьоукы ацәажәара ианалага, уимоу, ианаацәыҵаччақәа:
— —Изакә уааузеи, уара, арҭ?! Сара шәаџьҳәара инасышьҭуеит,
дара ацәыҵаччара иаҿуп. Уаҳа гәаҵәа рызҭаӡами?! Урҟәаҵ
наҟ, даҽа қыҭак ахь хцап! — иҳәеит деикәашәаны. Дангәаалак
ишыҟаиҵалоз еиԥш, инацәкьарақәа аларԥо, ихахәы ааила
ижәжәеит.
Иҟалаз еиликааит аурысшәа здыруаз быргк:
— —Арахь уаасзыӡырҩишь, дад. Игәы иалсыз сара издыруеит, иаҳәашьа сцәыуадаҩуп акәымзар. Иҳадиҵо аус иаҵанакуа
ҳзымдыруаны, мамзаргьы, иҟалаз агәаҟра ҳгәы иалымсыкәа
акәӡам ҳазцәыҵаччо. Иҟаҳҵаша ҳаҳәара дахьалагаз ауп.
Иуасҳәаз еиҭаганы цқьа иҳазиаҳәа ҳасас, — даасыхәаԥшит
абырг.
Сара еиҭазгеит.
— —Ираҳҳәар дара рхала ирдыруама? — дсазҵааит арежиссиор.
— —Шәаџьҳәара шәцоит ҳәа ҳаиҳәааит, уаҳа аҭахӡам, —
инациҵеит даҽа быргк.
— —Аха apaҟa ҳазлацәажәо ахҭыс ҟалеит азежәтәи ашәы
шықәса актәи азыбжазы усҟантәи аҵасқәа, ақьабзқәа
уажәшьҭа иабаҟоу!
— —Исызиоуҳәаша уасҳәап, дад, — арежиссиар иажәа
днаԥыҩлеит ани, аурысшәа иаҳа издыруаз. — Днаҳалаԥшны
иаҳа ианаалақәап зигәахәуа ҳалихааит. Егьирахь иҳәатәу,
иҟаҵатәу ҳара иаабап. Дҳарԥхашьом, аԥсуаа жәытәнатәаахыс
ишаҳҵасу иҟаҳҵоит.
Акино сахьаҭыхҩыс иамази аоператори наиваиргылан,
днаԥшы-ааԥшуа, деимдо, еизаны игылаз днарылалеит арежиссиор. Ииҳәауа неиҭазгоит.
— —Данаалом ҳәа иалҳамхуа, игәы иалымсааит. Иеила
ҳәашьа, иҭеиҭԥш, ихаҿсахьа уҳәа зегьрыла ублаҿы дааиуазаргьы, ҳара далҳамхыр ҟалоит. Акино иара ахатәы закәанқәа
амоуп.
Џьоукы абарҭ ажәақәа нараҳәаны ҳнарывсуеит, даҽа џьоу
кы аарылаҳхуеит.
Анцәа идырп илаԥш дызлаҵашәаз. Ҳашнеиуаз, ишәагаа
уамак идуцәамкәа, игәышԥи имгәацәеи еимаҩызны, ихҭарԥа
еиқәаҵәа ихаршьшьы игылаз ҭаҳмадак днаидгылеит. Аҽы
аазхәо иеиԥш, дкылкааны акраамҭа дихәаԥшуан.
— Микола, уиҟәаҵ уи наҟ. — Сыбжьы рхәыҷны илымҳа
сынҭахәыҭхәыҭит. — Цәала-жьыла дышәпажәпацәоуп. Аԥсуаа
ҳҿы ианакәзаалак амгәацәа змаз пату иқәмызт. Иҩыза дифа
зшәа ҳәа ихыччоит.
— —Амгәа акәым уара узхәаԥшыша. Имгәа зынӡаскгьы
иҟалаӡом акино аҿы. Сара исҭахуп иблақәа, илакыҵақәа,
ихиҿы, — иҳәан, диԥырҵуам.
— —Уахьгьы узеилаҳауа ҳәа идубалазеи?
— —Мап, абри дыҟазароуп. Баша дрылагыланы акәым,
шәаџьҳәара инеиуа раԥхьагьы дгылазароуп. Сара дызбеит
сзышьҭаҵәҟьаз.
— Микола, ақыҭа еицәажәаны, аус ду рнапы ианҵаны
инарышьҭуа раԥхьа игылоу ауаҩы... — имаскырц сналагеит.
Саанаскьаиԥхьан, ус ҿааиҭит:
— —Уӡырҩы, исымаумкын. Иблақәа санырхыԥшылаҵәҟьа,
абар, Микола, уара узышьҭаз дахьыҟоу сҳәеит. Дзакә уаҩу
исҭахыз удыруоу? Шәаџьҳәара днеиуеит. Аҵас ишахәҭоу зегьы ҟаиҵоит, аха иблақәа, иблақәа ирҳәоит агәырҩа бааԥс
зауз, зыҷкәын дҭахаз ирыхьыз, иара, ашәаџьҳәаҩ хада
изаҟаразаалак хьаас ишимам.
— —Ус иҟоу днарышьҭуамызт шәаџьҳәаҩыс.
— —Днарышьҭит, избанзар игәаҵа иҭаԥшыҵәҟьаны дрыздыруамызт. Еимаҳкрым. Убри ауаҩ, уаҳа аӡәгьы!— ихахәы
жәпара инацәкьарақәа налишь-аалишьит. Ахҭарԥа еиқәаҵәа
зхаз убри абырг днаидгылан, дҿаԥха-ҿаччо, ажәақәак
наиеиҳәеит. Акамера ахы ахьхаз иамариашаны днаиргылеит.
Агрим ҟазҵоз аԥҳәыс лсақәи лҵәаԥшьи кны абырг данынаидгыла:
— Баҟәыҵ, акгьы ҟабымҵан, ус дыҟазааит, — иҳәан, имуит арежиссиор. Ибжьы рдуны инарылеиҳәеит, зегьы акамера
алаԥш иҵамшәартә инаскьа-ааскьақәарц.
— Уажәшьҭа иаанхеит абри ауаҩ ицны инеиқәаша ралхра, — иҳәеит. Днеиуеит, уамак дихәамԥшцәакәа, днарылаԥшаарылаԥшны, быргк даалихуеит. Днаганы Хҭарԥа еиқәаҵәа
днаидиргылоит. Дцоит ԥшаара. Даҽаӡәы дыԥшааны дааигаанӡа
ани уаанӡа Хҭарԥа еиқәаҵәа идиргылаз, ашьшьыҳәа
днаидҵны дцон. Ажәлар днарылаланы иҽиҵәахуан. Убас изиуит аӡәы, ҩыџьа, хҩык... Хҭарԥа еиқәаҵәа еснагь ихала даанхон.
— —Сара иуасҳәо аарҳәны ироуҳәама уара, иаарҳәны?
— иҩнапык ырмақаруа убас дыҳәҳәеит, ихаҭа дахьгылаз
дҩышьҭыԥеит. Нас ихала иҽааирҭынчуан:
— Суҳәоит, уаҩҵас исызраҳәа. Абри, раԥхьа иалсхыз,
абраҟа дгылаз. Сара аӡәаӡәала иаазгоит иҵегьгьы. Жәаҩык
рҟынӡа иҩасыргылоит. Нас иеицны, иара раԥхьа дгыланы, рҿынархоит. Ашҭа инҭалоит. Дара ирзеилымкаауоу, уара
иузеиҭамгауоу?! Шәзакә уааузеи, уара?! — Ишәымбахьеи
амш, ақәаршҩгьы леиуа, амрагьы цәыҵыԥхауа. Убри еиԥшын
ицәажәашьа. Акы ӡбатәын. Уаҳа иҟасҵара анысзымдыр:
— —Ибзиоуп, сара исзеиҭамгозар, аиҭагацәа мачхәума.
Даҽаӡәы уиҳәа. Сара уаҳа сҳәом! — сҿанынасха, ани,
аурысшәа, цқьа изымҳәозаргьы, изаҳауаз абырг, даасыдгылан:
— —Шәааишь, дадраа, аранӡа, — иҳәан, ҳаанаскьеиԥхьеит
арежиссиори сареи. — Иоуҳәаша уасҳәап, дад, ари ҳасас, —
ихы насықәикит. — Пату иқәаҳҵар ҳҭахуп, аха убри аҩыза
ҳадимҵааит. Баша иҽазикуеит, зегь акоуп, иалихыз абырг
аӡәгьы дицныҟәаӡом. Ҳхы адамыӷ ҳзанҵом...
— —Избан, иҟалазеи? Шәаԥхьа дшәыргылом ҳәа иасҳәар,
иҵашьыцуама иҳәар?
— —Иуқәшәира убри диҵашьыцааит. Гәынҷыхьақәак рыбжьоуп ҳәа иоуҳәар, изхоуп ҳасас. Аха, уара, дад, уара иудыруаз. Убри иҽеим уаҩуп...
— —Иҟеиҵазеи?
— —Ауаа иҭиуан. Рыцәгьақәа иҳәон ҩажәи жәибжь раан.
Ҳқыҭа зегьы ирдыруеит ус дшыҟаз. Ацәгьа-абзиаҿы аӡәгьы
днаиԥхьаӡом. Иара иакәым, ихшазгьы, даараӡа иахьырзааигәоу
акәымзар, аӡәгьы ичеиџьыка рҿеиҵаӡом. Уара, дад, ишуасҳәаз
еиԥш, иаарԥшӡашәа иаҳәа ҳасас. Ҳаԥхьа диргыла акәым,
дҳалагылангьы шьаҿак ҟаҳҵараны ҳаҟаӡам, — иуапа хәылда
дҭашьшьы, илабашьа наиҵарсуа, днаҳадҵит абырг.
— —Еибаҭахым,
гәынчыхьақәак рыбжьоуп, — уаҳа
саламлакәа, иааркьаҿшәа, даҽакы иасҳәеит арежиссиор. Уи
игәалаҟара аныбжьыс, акино аҭыхра иахирԥеит аҽны. Ауаҩы
ибла дхыԥшыланы игәаҵа иҭоу здыруаз арежиссиор аиаша
шиасымҳәаз изеилымкаауа дыҟамызт.
Ауха, асасааирҭаҿы ҳахьтәаз, саныхҭеик, иҟалацәҟьаз иас
ҳәеит.
— —Ах, изакәызеи исзууз?! Уажәшьҭа иабаҟоу урҭ ауаа, еизганы исзырбозеи! Изсоумҳәазеи!
— —Изуҭахыз?
— —Ишԥоузеилымкаауеи, уара, урҭ иҟарҵаз закәу? Сара
абзамыҟә, азежәтәи ашәышықәса азыҳәан шәаџьҳәара ишнеиша ҳәа дырҵара саҿыхуп!.. Усҟан дара... Аха, убраҵәҟьа
исоуҳәазҭгьы, иҭабуп абас шәахьыҟоу, ишәцәымӡацкәан
иаажәго азыҳәан ҳәа среихырхәаны... Иаасзуузеи! Урҭ
иҟарҵаз закәу уара иузгәамҭаӡеит, избанзар ухаҭагьы дара
урхылҵшьҭроуп. Уи еилукаарц азыҳәан, уахәаԥшыроуп тәым
блала, — иҽизеиқәкуамызт арежиссиор.
— —Егьаурым, уажәа раҳартә иҟасҵап, — сҳәеит саа
ԥышәарччан. Исҳәеит игәы ирҭынчырц, ирасҳәарц сгәы
иҭакны ишсымамызгьы. Уимоу, наҟ исхасыршҭырцгьы
сыӡбеит. Аха мшқәак анааҵ, саназхәыц, ақьаад анҵара
иаԥсаны избеит.
Ишшәасҳәаз еиԥш, ақьаад иананысҵа ашьҭахь, иазызура
анысзымдыр, сеиҳа аԥышәа змаз, ажәлар рус иаҳа дазҟазоуп
зысгәахәуаз аӡә дасырԥхьеит.
Иахьа уажәраанӡа уи ииҳәаз сахымԥакәа, иҵәахны
исыман. Уажәы, искьыԥхьырц анысыӡба, сназхәыцит
ишыҟасҵара. Уи, аӡәгьы дыздымгылоз аҭаҳмада, Хҭарԥа
еиқәаҵәа, ихьӡи ижәлеи анысымҵар, акыҭагьы ахьӡ
сымҳәар, схы иҭысҳәаазшәа иҟалоит. Ихьӡ ааҭкааны
исҳәар, иахьыҟалаз ақыҭагьы анысҵар, иасырԥхьаз
аҵарауаҩ ишиҳәаз еиԥш, ашьажә баауам, иԥсуам, иудыруазеи иахькылсуа. Забду, заб, зыҷкәын, ма зашьа урҭ
ашықәс еиқәҵәақәа раан иҭахаз, згәаҵәахы ашәы ашәу
аӡәы дҩагыланы, уара амаҳагьа, уара уакәзаап сара сызфаз ҳәа... Џьаҳаным иҭыԥхеит, дыԥсхьоу, дыҟоу сыздыруам
Хҭарԥа еиқәаҵәа, ихаҭа дыԥсхьазаргьы, ихылҵыз, ма урҭ
ирхылҵыз аӡәыр дыҟазар, ауаа ишраҳауа, уapa узхылҵыз
дызусҭоу ҳәа аниарҳәалак...
Иҟоуп даҽа шәарҭакгьы.
Зхы зцәымӷу дызусҭада! Схаҿы иаазгеит абри еиԥш:
«Уара уоума абраҟа иану зҩыз?» — даасыдгылап Хҭырԥа
еиқәаҵәа ишьа злоу аӡәы.
«Ааи, сара соуп».
«Ҩыџьа ахьеидгылоу ҳазцәырымҵуа, адунеихаан иаҳхым
ҵуа ахьӡ ахьаҳхуҵаз азыҳәан, иуқәнаго удыруама?»
«Сара сакәӡам ахьӡ бааԥс шәхызҵаз, шәызхылҵыз иоуп.
Шаҟаҩы ирӡызеи ҳәа ихьӡ ахьысҳәаз шәара ишәызхгом, аха
шәрызхәыцу егьырҭ, усҟан акгьы рхараӡамкәа, инкылахәаша
ирӡыз, цәгьарак ҟарымҵаӡакәа, икыдҵаны иршьыз...»
Сажәа анагӡахагьы смоукәа:
«Уара убз ҭазкуа абриак заҵәыкоуп!..»
Рхы иаҭәарымшьара иҟоузеи! Избанзар, урҭ, иԥацәа роума,
имаҭацәа роума, ишакәхалак, дара роуп, ирылоуп иара, Хҭарԥа
еиқәаҵәа ишьа. Асеиԥш ахәыцрақәа анузааилак, ҽынлазар,
уаахьаԥшкәаԥшып, аха уахынлазар, уцәа ахьҟьаларагьы убарым.
Шаҟантә шаҟарыла инарҳәы-аарҳәуа сазхәыцыз зышә
ҭахузеи.
Аҵыхәтәан урҭқәа мчыдазтәуаз хшыҩеилкаарак сазкылсит. Сара сҿымҭрала Хҭырԥа еиқәаҵәа имԥан имнеиуаз
ракәымкәа, иара Хҭарԥа еиқәаҵәа ихаҭа иаҳа сидгылозшәа,
дсыхьчозшәа збауа салагеит. Санҵамҭа иасырԥхьаз аҵарауаҩ,
ишыҟасҵалацыз еиԥш, араҟагьы ииҳәаз нарҳәы-аарҳәны
иҟасҵар акәын сгәахәт.
Ихьӡи ижәлеи усгьы издыруан Хҭарԥа еиқәаҵәа. Иԥсы ҭоу
машь ҳәа сназҵаақәеит:
— —Ԥсык иаҵкыс дызлеиӷьузеи! — иҳәеит аӡәы.
— —Иӡбахә уаӷоу иҳәеит. Уара узызхәыцша, уи ицымныҟәаз,
иааигәа имгылаз роуп, — инаԥишьит даҽаӡәгьы. Уи егьиашан.
Сара еиҳарак исҭахыз даҽа џьоукы ракәын — ҳасас, арежиссиор иҭабуп ҳәа заҳәарҭа исымҭаз. Акыр ихьшәазаргьы, иахьа
инасыгӡоит. Среихырхәоит ихьӡала. Уи иара ииҳәахьаз ауп.
Аха сара? Ииашоушь уаанӡа иҟасҵаз?..
1987
АҴӘЫУАРА ГӘЫРӶЬАРАН
Иҟалахьоу ажәабжь
— Уажәа хьыла иԥысҟоит, саҭоумҵан. Уажәраанӡа уаргьы, абраҟа иааиқәшәаз аҩызцәагьы шәалацәажәон, шәгәы
иалымсын, аха шәлымҳа иаҳаз, мамзаргьы ашәҟәқәа
рҿы шәзыԥхьаз, ишәаҳаз мцуп, мамзаргьы ашәҟәқәа рҿы
шәзыԥхьаз агәра шәымган ҳәа шәасҳарц акәым исҭаху. Урҭ
зегьы даҽаӡәы иибазоуп, мамзаргьы ихигазоуп. Иеиҭазҳәогьы
иара идырра ахьынӡаҟаз ала иеиликааит. — Иажәа дналагеит
ҳҩыза Митра. Уи даҽаӡәы ииҳәауа еснагь гәыҩбара азиуан,
изҳәауа ихы иҭиҳәаау, мамзаргьы ииашаҵәҟьаны иҟалоушь
ҳәа азхәыцра далагон. Ихаҭа иааиҳәауа гәыҩбарак азуур,
дузгәааун, сара слакәҳәаҩӡам, сара иҟалаз аиашаҵәҟьауп
иеиҭасҳәауа, ашәҟәгьы ианысҵауа иҳәон. — Сара ишәасҳәарц
сҭахуп схаҭа ибзианы издыруа, исҳәар ҟалоит схаҭа исхызгаз ҳәа, избанзар изхызгаҵәҟьаз ауаҩ сара убасҟак
дсыдҳәалоуп, ишсыдҳәалоу, ишсыцу еиԥш, иаҳҳәап, сыхьӡ, ма
сыжәла. — Иажәа цқьа иҳаҳауамашь, ҳаизыӡырҩуамашь ҳәа
дааҳалаԥшын, гәҭахәыцрала инациҵеит. — Аҵла аԥашә иахьуа
амахә ишаныԥшуа еиԥш, уи ауаҩ, даазықәшәаз, иԥсҭазаараҿ
иааихҭигоз зегьы џьара акала саргьы исыцрамсыр, џьара
акала иснымԥшыр ауамызт. Исзааигәоу, ибзианы сыздыруа
сҩызцәа уажәшьҭа гәҩарас иркхьеит зыӡбахә сымоу дызусҭоу.
— Егьырҭ сҩызцәа иахырҳәаауа сыздыруам. Сара уи
иӡбахә егьа уалацәажәаргьы, сгәы ԥнаҵәауам, избанзap еснагь ҿыцк саҳауеит, — ҿааиҭит Митра иаҳа изааигәаз ҳҩызцәа
руаӡәк. Ҳара иаадыруан уи ҿыцс иаҳарц, еиҳараӡак иеиликаарц ииҭахыз. Дҵарауаҩын. Аԥсны Асовет мчы анышьақәгыла
раԥхьатәи ажәашықәсазтәи асоциал-политикатә ҭагыла
заашьа ҭиҵаауан, шәҟәы хәыҷқәакгьы ҭижьхьан убри иазкны.
— Схаҭагьы саб итәы аҳәара сгәы захымшәауа убри ауп,
уи иԥсҭазаара убасшәақәа иҟалеит, аҩажәатәи ашәышықәса
анналага инаркны, ишьаарҵәыраха... Абри ажәа аҵкыс иаҳа
ианаалаша даҽа ажәак сзазыԥшаауам. Пушкин «в мой жестокий век» иҳәеит иаамҭа азыҳәан. Дызлаԥшызеи убасеиԥш
иҳәартә? Ҩажәи жәибжь раан ҳара ҳқыҭан Аԥсара, зегьы
иреиҳам аԥсуа қыҭак, иналганы иршьыз иаҳа иеиҳауп аурыс ҳәынҭқар Николаи Палкин шаҟаҩы адекабристцәа
кнаиҳаз аҵкыс. Урҭ ма изыхдырҟьоз рдыруан, акы иаҿагылан.
Ҳара ҳқыҭан жәаҩыла иршьыз, дара рхаҭақәа ракәым,
рҭынхацәагьы иахьа уажәгьы ирыздыруам изхыршьааз. Ҳара
ҳшәышықәсеи Пушкин ишәышықәсеи еидукылар, Пушкин
ишәышықәса азыҳәан иҟәымшәышәыз ашәышықәса ҳәа
зазумҳәарызеи!
Ишьаарҵәыраха иҩагылаз, ишьаарҵәыраха амҩасра
иаҿу ҳшәы-шықәса анналага инаркны уажәы ааигәаӡа,
Аԥсны иааҟалаз аҭагәҭасрақәа, гәаҟреи рыцҳареи зегьы саб
иара ихаҭа дахьалахәыз рацәан, ихаҭа дахьалахәымызгьы,
далаԥшны, ибзианы идыруан, еиҳараӡак, ҳәарада, иара дзеиуаз, анхацәа рус-рҳәыс аҿы.
Сҩызцәа аӡәырҩы ақыҭаҿ, ҳахьынхо шәнеихьеит. Хар
ҳамамкәа ҳаҟагәышьоуп. Ирҳәоит, алакациаҵла иҵхны
икауршәыргьы, аԥашә, хәыҷӡак иадамхаргьы, адгьыл изахькьысыр, аҽаларԥаны иакуеит, ахы ашьуам ҳәа. Убри даҩызан саб Гач
рыцҳа. Шаҟантә дыхдырҵәазеи, аха иара имуит, дшынхац еиҭа
адгьыл дықәынхоит. Аҩнеихагыла, ананыра, хазы амаҵурҭа, нас
еиҳараӡак иара дызхылаԥшуаз, акымкәа, ҩбамкәа ажәбоурақәа,
аҳәаҭрақәа. Лафмкәоуп ишысҳәауа еиҳараӡак дызхылаԥшуаз
ҳәа. Сыблала избазоуп, мышцәгьак азы ақәа кылсит ажәбоура.
Иуапа наганы иақәиршәит. «Уажәшьҭа ҳгәабангьы ганы ажә
иаҵаҵа», — алаф илылхуан сан.
«Нхаҩҵас акруы, аамысҭаҵас акрыф!» Абри акәын иара
иԥсҭазаараҿ ԥҟарас имаз.
Дасу шәашҭақәа абзиарақәа рзыҳәан сҭалалааит. Абзиа
рақәа рзыҳәан шәымаҵ зулааит. Саб данԥсы ишәгәалашәоит,
уаҟа шәсыдгылан. Шәара ҳәа шәасҳәар, сыгәра шәгарым. Аха
сара, уи ауаҩ иҷкәын, сызшаз убас лахьынҵас исиҭеит, ари
адунеиажә санаԥырҵуа аҽны, аҩызцәа, аҭынхацәа рымацара
ракәымкәа, сымдырра иахҟьаны, ииашамкәан сзызныҟәахьаз,
иакәымк ззызухьазгьы, саб иеиԥш зегьы ргәы салсны, исанажьны, иара иеиԥш сымҩаԥыргауа.
Зыԥсы ҭоу иакәым, иԥсхьоугьы ӷак димоуп, рҳәоит. Сабгьы
дызҭахымыз, иаргьы ииҭахымыз шԥаҟамыз. Исгәалашәоит,
зны ачара ҳаиҳәарц, дегьызеиӷьым ҽыуаҩык ҳашҭа дааҭалеит.
Зчара уеиҳәоз ауаҩ даԥсамзаргьы иара, иуазҳәаз иаҳаҭыраз
мацарагьы ачарахь уцарын, убас иҟан ицәажәашьа, иеила
ҳәашьа.
— Аринахысгьы абзиарақәа уҳәалааит! — уи днаи
еигәырӷьеит саб. — Даараӡа исҭахуп уи ауаҩ ичарахь снеир.
Аха акы суазҵаашан. Ачара иеиҳәамашь абри ауаҩ? — иҳәан,
исгәалашәом, аӡәы ихьӡ ҳәаны днаиазҵааит.
— — Иеиҳәеит ачара убри ауаҩгьы, — ҿааиҭит ачара зҳәауаз,
— сара схаҭа исыдын уи ачарахь инаԥхьара. Абыржәы
иаҳәаны саауеит.
— — Ус акәзар, уара учараҿы сара снеиӡом. Абасҵәҟьа
сызиаҳәа уаазышьҭыз, уаҳа аҩныҟа умҩахыҵ ҳәагьы
иамҳәакәа, уи ауаҩ днаиԥырҵит саб.
Абасҟак ицәымӷыз ауаа шыҟаз еиԥш, иаргьы, ҳәарада,
дызцәымӷыз ыҟазар акәхарын.
Ажәа шәзасыршьуа, акы шәазхәыцырц сҭахуп.
Шәазхәыцхьоу, аԥсуаа ҳзыҳәан иаҵанакуа шаҟа идуу,
ауаҩы данԥслак дшымҩаԥыргаз, шаҟа ргәы далсны дыр
ҵәыуаз? Аетногра-фиатә материалқәа ахьеизызгауа, аԥсра,
аԥсы имҩаԥгара уҳәа иадҳәалоу аматериалқәа убасҟак
ирацәоуп, аԥсуаа жәытәнатәаахыс, абзара амҩаԥгара аҵкыс,
аԥсра иаҳа иԥшӡаны амҩаԥгашьа иазхәыцуан уҳәап. Сара
иахьынӡеилыскааз ала, урҭ аҳәамҭақәа зегьы ҵакыс ирымоу
акоуп. Ауаҩы иԥсҭазаара убас имҩаԥигароуп, данԥслак иҩызцәеи иҭынхацәеи рымацара ракәымкәа, дызҭахымызгьы ргәы
далсны дырҵәыуартә еиԥш. Аӡәы идамхаргьы уанимҵәыуа,
уздыруаз, иузааигәаз, изыхәҭаз, аха уанԥсы данымнеи, ламысдарак изуухьан рҳәоит. Зыԥсы ҭоу иакәымкәа, иԥсыз убасеиԥш
ламысдарак ҟаиҵа-хьан, днеины иҵәыуара илымшартә
рҳәоит.
Ҩыџьа ргәы нибархар ишԥарҳәауеи? Ҳаԥсыр ҳаибамҵәыуо
ҳҟаибаҵеит.
Ишԥауеиҳәои аԥсуа ус хьанҭак азыҳәан дуҳәозар? Сыԥсыр
сумҵәыуан, аха абри аус сзыҟаҵа.
Диссертациак ухьчап ари атема иазкны.
Изхысҳәаауа, аԥсы уаӷоу диҵашьыцит, аха зыԥсҭазаара
иалҵхьоу саб санизхәыцуа, убри аганахьала сиҵашьыцуеит. Уи
деицырҵәыуеит иҭынхацәагьы иаӷацәагьы. Деицырҵәыуеит
убасҟан, сҩызцәа шәаныҟаз, шәыбла абзиа абалааит, шәыбла
ишабоз анышә данамардоз. Аха сара ишәасҳәоит уи изыҳәан
шәара ишәзымдырӡо, иџьашәшьаша даҽакы. Ижәдыруама
шәара данышәҵәыуоз аҩынтә раан данԥсыз шакәу?
Иахаану иахьагьы иргәалашәоит илафқәа. Длафҳәаҩын
саб. Уаргьы алаф улихуан, ихгьы алаф алихуан. Ҩынтә ушԥаԥси
ҳәа ианиазҵаалак: «Раԥхьа санԥсы, наҟ уаҳԥыраагеит ҳәа
аԥсцәа санрыларыжь, сӡырҩын, уаҩԥсык симҵәыуаӡеит, лабжышк аӡәы ибла инхымшәеит. Ари аԥсра аиҭаԥсроуп. Уаҩԥсы
симҵәыуо сара наҟ цашьа сымам сҳәан, схынҳәит», — иҳәон,
иччаԥшь ала, игәаҵанӡа дыччауан.
Шәара ижәдыруеит, шәыххь згеит, ауаҩы иԥсҭазаара
даналҵлак, ари уажәоума данԥсыз, адәы дықәын акәымзар,
аԥсы дызлаиеиӷьыз ҳәа анизырҳәауа. Амаҳагьара, аламысдара ҟаиҵахьан. Ҳара ҳзыҳәан уажәоума дыԥсижьҭеи. Уажәы
ҳааит уалк наҳагӡарц, наҟ нышәк днаҳҭарц. Иааурызеи, ала
ԥсыргьы анышә иарҭоит. Изхысҳәаауа, абри аганахьалагьы
иламыс шәытак шамамызгьы саб, раԥхьа данԥсы, хаҵак ибжьы нҭыганы, игәы дааҭасуа дихамгылеит, длаӷырӡышауа
ԥҳәыск ҳашҭа дҭамлеит.
— — Сара уи агәра сызгом. Абарҭ зегьы шәаасҭа Митра уаб, Гач
ԥсаҭа шкәакәа, сара иаҳа дыздыруан. Уи данԥсы дрымҵәыуо...
— инамеикит ҳҩызцәа руаӡәк.
— — «Ҳара ҳиит алакә лабҿабаҳтәырц», — иҳәеит уи иахьимаимкыз зынӡаскгьы иџьамшьаӡакәа Митра. Иҳәашьала иудыруан, дхәыҷаахыс иқьышә ишықәкыз арҭ ажәақәа. Ауаҩы
игәы иҭоугьы иҿы иаҳәогьы акоуп ҳәа агәра анигоз, иқәыԥшра
дынҭысаанӡа, иҳәон урҭ ажәақәа, ихаҭа иакәым, изаҳауагьы
рыгәра диргартә. Уажәы иҳәеит зыҩны блыз дзықәшәаз
даналацәажәауа иқьышәқәа ирықәлаша аччаԥшь иҿықәны. —
Анцәа исаҭәеишьан, сан лыԥсы ҭоуп. Ишәасҳәауа агәра зымгауа, шәлазҵаа. Убрахь сиасаанӡа, дара, сани саби зусҭцәаз
шәасымҳәар сажәабжь аилкаара шәцәыуадаҩхоит.
Рыԥсҭазаара еиларҵеит анхаҩы ихәышҭаара аӡы ақәҭәаҩ
хада дымра-хырҵәагаха ажәҩан агәахьы анеира данаҿыз
ашықәсқәа реиҳа ианыршыкьымҭаз — аҩынҩажәатәи ашықәс
қәа рылагамҭазы. Рыԥхӡы нкаҭәауа, зымгәахә аазрыхуаз
бжьаратә нхацәан. Инхара-инҵыраҿ саб ԥҟарас имаз ихаҭа еснагь иҳәон иааркьаҿны: «Ала еиԥш акыруы, аҳ иеиԥш акрыфа!»
Иаамҭеи иареи еимактәыс ироуз — абри аԥҟара еиҩшахеит
агәҭа. Ала еиԥш акыруы, аха аҳ иеиԥш акрыфара уақәиҭым.
Ҩ-ажәак еихысҳәаалоит, саҭашәымҵан, шәыххь згеит, аха
шәаргьы саргьы иаҳуалуп ҳаамҭа апатреҭ ҭыхны инҳажьырц.
Ҳара ҳаныҟамло, ашәышықәсақәа анҵлакгьы, ҳамгәыӷуеи
иҟалап ауаҩытәыҩса, иҟалап ҳәа аԥсҭазаара. Ус анакәха,
иҟалааит иахьатәи ҳаамҭа апатреҭ.
Уажәааигәа схәыҷқәа сыцны ҳнеит ақыҭан, сан лҿы.
Ҳжәытә маҵурҭа уажәыгь игылоуп. Агаз аҿы акәымкәа,
амаҵурҭа агәҭан, ишаабац амца неиқәҵаны, абысҭа аура бзиа
илбоит сан. Абысҭа шылуаз, сыҷкәын дышлыхәаԥшуаз, аҭуан
днаҵаԥшын:
— —Нанду, ани закәызеи? — иҳәан ҿааиҭит. Саргьы схы
сааҩахеит. Аҭуан иаҵакнаҳан ахәарҭа. Уи алҩақ иадҷаблаз
убасҟак ижәпахахьан, иахьышашыз зынӡаск иубаӡомызт.
Еимаҩызхьан. Амаа акәзар, унацәкьарақәа дуумзар, иумпы
ҵамӡартә ижәпахахьан.
— —Уи закәу, нан, уаб уиазҵаар иуеиҳәап, — лҳәеит сан дааччан. Амҳаԥ абысҭа иналалыршьшьын, лыбӷа ааиҵыхны, ҿыц
илбозшәа, днахәаԥшит. — Ани, нан, уаб акриҿаҵагас исыман.
Уӡырҩла, инасыртәон иашьагьы иаргьы. Ашәхазаҵәык ада
ҳамамзар, абни иубауа ахәарҭа иҭаҵаны икнасҳауан. Уи асас
ихәы акәын. Уаби уаб иашьеи абысҭа аҟәыд мацара адкыланы
ифаны иҩагылон.
— —Ашә ахәарҭа ишҭоу?
— —Ааи, нан, асас ихәы уалакьысыр ҟалаӡомызт, уиазҵааи,
акыршифоз уеиҳәап. Ибысҭа ҿаҵак аамихуан, иҩышьҭыхны
ашәха ахькнаҳау инаирбон, нас иҿы иҩҭеиҵон, — ахәыҷы
иаҳәара даҿын сан. Сара игәыҵшьаагаз ччаԥшьк насҿықәлеит.
Ахәыҷы иакәым, адуцәагьы аилкаара рцәыуадаҩхар ҟалап
уи иаҵанакуа.
«Ҳара ҳиит алакә лабҿабаҳтәырц!»
Анхацәа ирхыргаз, изықәдыршәаз, сара рыцҳа сакәым,
Шаҳразада лхаҭагьы илзеиҭаҳәарым.
Игәашәымҭацзар, анцәа шәақәимыршәааит. Агәаҟра
ахьыҟалаз ашҭа уанынҭалауа, аӡәы, ма ҩыџьа рҵәыуабжь,
рмыткәмабжь гозар, игәыҭшьаагаха иуаҳауеит. Иҟалаз угәы
иалсуеит. Ус акәымкәа, шәҩыла, зықьҩыла знык еицыҳәҳәозар,
уара угылазаауеит акгьы ҟамлаӡазшәа, ухы угәахьы акгьы
мнеиӡауа. Ауаҩытәыҩса рытрагедиагьы убри иахьеиԥшқәоу
рацәоуп. Ауаа рыцәҭахазар ргәрҩара ахьынӡазхаша,
иаҳҳәап, жәаҩыла, ианамуӡахгьы шәҩыла, усҟан даҽакуп. Аха
ԥсышьацәгьа зыҭоу рхыԥхьаӡара амиллионқәа ианырхыслак, усҟан жәлар ргәырҩа зынӡаск даҽа ԥштәык аанахәоит.
Абас шакәу шыздыруагьы, сара сани саби ртәы ԥыҭк аҟара
сызшәаҳәар, шәхаҿы аагара шәзымариахоит, реиԥш зеиԥшыз
анхацәа ирыԥсҭазаашьаз...
Ҳҩыза Митра иажәа аҳәара дахьынӡаҿыз, еицыз Басла
амшын иахьалало ҳаннеи, аҵлақәа рымҵан ашәшьыраҿы
ҳнатәеит. Амра лаҟәыцыԥхьаӡа иаҳа-иаҳа иҩежьхон, иаҳагьы
ицырцыруан амшын иахьхыҷҷалоз.
— —Сажәабжь иаҳа аԥсы ахалоит, — иажәа инациҵеит Митра, зны исырцәажәалар дара, зыӡбахә сымоу, даҽазны,
иахьаҭыԥу, сара сажәа ныбжьасҵалар.
Раԥхьа шәылзыӡырҩы сан:
— —Ари аԥсцәеирымга, — yaҟa дыштәазгьы, саб иахь
дымԥшӡакәа ҿаалҭит сан, — Дранда дахьҭакыз, дрымшьӡеит,
иԥсы ҭоуп, аетап дарҭеит ҳәа ҳаҳаит. Имцума, ииашоума иабеилукаауеи, узызҵаауада. Лхаҵа данҭарк, лхәыҷы, аӡҟы-гаранҵа,
дылгәыҵаршә абахҭаҿы днеит ԥҳәыск. Уи сыблала избазоуп.
«Бхәыҷы иҵәаабжь схы иалаӡом, сыбла бҽабмырбам!» —
иҳәеит енкьеҩедек. «Саргьы уара убжьы ахьсаҳауа сыхлахаҵ
гьежьуеит. Ҳаилзырго ҳәа иҟоу акоуп — доужь акгьы ихарамкәа
иҭашәкыз схәыҷы иаб!»—усҟан ауаа иаҳа ргәы ҭан, лыбжьы
ҿацаӡа инаиаҭалкит аԥҳәыс. Усҟанҵәҟьа еибачҳаит. Даҽа
ԥыҭк ааҵхьаны, абахҭа агәашә ҳадӷырло ҳахьгылаз, убри
енкьеҩеде данниасуаз, асаби ихала дҵәыуоу, иан длырҵәыуоу,
ибжьы хәыҷы ҵарӡа еиҭа арҵәаа ааҭиргеит. «Бара, ибасҳәаз
бхахьы имааиӡеи?!» — даалықәҟааит енкьеҩеде. «Схаҵа
дзыхшәырҟьаз сашәымҳәакәа, садҵуам агәашә!» — лҳәеит
аԥҳәыс. Енкьеҩеде ашырҳәа дҩалыдсылан, лмахәар
нҭарс, дырхысхысуа дима иҿынаихеит. Уиакәхеит. Лысаби
дылгәыҵаршә, ларгьы абахҭа дынҭаркит. Изхысҳәаауа, аетап
дашәҭама, иԥсы ҭоума ҳәа уцаны разҵаара шәарҭахеит.
— —Иус ӡбаны иалгазар, ашьра шиқәрымҵаз бдыруазар...
— —Иуҳәо закәызеи, нанхеит. Анцәа иаамышьҭахь, узыхьчо, узықәгәыӷуаз закәан ҳәа акыр ыҟазма?! Ахацәа ахьҭаркыз
ҳәсақәакгьы ахьхырҵаз, адгьылқәа анхацәа иахьрымырхыз,
арахә анышәхыроуп ахьырҳәаз уҳәа, иааҟарҵоз ацәгьарақәа
зегьы раҵкыс исзеилкаауам акы. Зыбз ада зыхәлам, ҩыџьа
асабицәа сыманы аҩны сахуп. Ҳаргьы иҳазхаша, убри ахыхь
исҭишагьы сара соума иаазрыхуа! Сшыӷызыӷызуаз, сышәшьы,
шәанаџьалбеит, асабицәа рҿаҵа рҿышәымхын, амла исцәагоит
ҳәа сышрашьапкуаз, сца иҭаз сџьықәреи ааҭыганы иргеит.
Уаҳа раԥхьаҟа ҳәа имхәцӡоз?! Асабицәа, ахацәарԥар, сара
схәышҭаара уазымхәыцын, аха уара, зхы зтәу ҳәынҭқарзар,
ухазгьы иуҭахӡами?! Исаӡар, иӷәӷәаҟацаӡа иҩагылар, аргьы рҭахӡамыз, аҳәынҭқарра зыхьчашаз?! Уажәы, наҟ, џьоукы
урзыӡырҩыр, Сталин иабеидыруаз ус шыҟарҵоз рҳәоит. Сталин иоума, даҽаӡә иоума, сара дсыздыруам, нан, изхароу.
Ауаҩы ишьра кәтык ахы ахҵәара иззаҩызаз, аҳәа ауҭра иҭалар
иԥхашьараҳа уҩны дыҩналаны уирҳәыр иԥхамшьоз ауаа,
иааҟарҵалак иақәиҭны азин рызҭада, нан, сара суазҵаауеит?! —
алацәгьа ажәала иҿалҳәоит ҳәа лзырҳәауа, иуаҩ татоу сан дызласымбацыз ала, лыблақәа агәаӷ рхыҳәҳәоит, даасыхәаԥшын,
еизара дук аҿы дықәгыланы илҳәозшәа, инацылҵеит:
— —Абрагьыҩцәа, арҳәцәа, ақәылацәа рнапаҵаҟа ҳҟалеит,
нан, ишыргара аиааира ргеит. — Изоуҳәода, дгьыли жәҩани
рыбжьара ауаҩ дызҭахыда ҳәа аанаго лнапы лҟьан, лажәа
инацылҵеит. — Сара схаан иахыӡаауам...
Ҳааиуан, нан, абас. Анцәа иузааиго зегьы бзиоуп. Иудыруазеи, аетап дарҭаҵәҟьазар, иԥсы ҭазар ҳәа ҳаԥшуп. Џьара,
Аԥсны анаӡара қыҭак аҿы, дҭакын, дыхҵаны дыҟан, дхынҳәит
ҳәа аӡәы иӡбахә саҳар, сцоит, снаиазҵаауеит, џьаракыр абас
еиԥш иҟаз ауаҩ дубама, ихабар уаҳама...
Иҵит шықәсык, инахылеит мызки ҩажәа мши...
Ажәҩан еимаҷыҩны ишышәшьу, аԥҭақәа неилыҩрны,
мрашәахәак аакылԥхар еиԥш, ҩажәи жәаа анҵәамҭазшәа
ԥсеивгара хәыҷык ҟалеит. Иҟалаҵәҟьаз усҟак идумзаргьы,
ҳамгәаҟуаз, иналаршә-ааларшә аӡәык-ҩыџьак иҭакқәаз
аныхынҳә, иаразнак иҳалаҩит иҭакқәоу зегьы аурыжьуеит
ҳәа. Егьиашаҵәҟьаны, ҳарҭ, ажәлар paӷацәа рҭаацәа, адәқьан
аҿы ҳнеир ҳдәылрымцо, уимоу, асапын, аџьыка аахәара
азин ҳаманы ҳааҟалеит. Сара схаҭа адәқьан аҿы сахьнеиз, адәқьанхьча бааи, Макбулиа, асапын, аџьыка шаҟа бҭаху
аахәа аниҳәа, дысхыччауаз џьысшьеит. Сыԥшызар, сгәыла
ҳәсақәа, дара рхазы акәызшәа исзаархәалоз асапын ҟырақәа
акымкәа, ҩбамкәа атахта инықәиҵеит. Имлашьуа ауаҩ ус
абысҭа ҿахра дзамҵасрым, нан, сара урҭ шысгәыҵасыҳәҳәаз.
Уара уччоит, иуздыруам асапын угхар изакәу.
Аҽны ачаи ҳрашәон. Аусҳәарҭаҿы аусура далагеижьҭеи
мшқәак ракәын иҵуаз, ашьҭахь, иԥсаҭа шкәакәахааит,
ирласны арра дыргеит, уахь дшыҟаз, аибашьра ихьӡан,
дҭахагәышьеит Агрба ҷкәынак. Абри днеит ачаи ахьаҳрашәоз.
Акы сеиҳәарц шиҭаху збоит. Зегьы иахьраҳауа иҳәар иҭахым,
иалҵуа иудыруазеи. Ашәҟәы ааны иџьыба иҭазаап. Аԥошьҭа
ишаанагаҵәҟьаз, иахьынтәааз, иаазышьҭыз санахәаԥш, арахь
сыҩт иҳәеит. Cаpa гәаҟ, аԥхьашьагы ауздырхуаз. Дысзаԥхьеит.
Иаҳәозеи? — ааҷа арссара иаҿыз саб иахь дынхьаҳәын,
ҵәылаҵарала днаиазҵааит. — Иаҳәоз, уара? Уара иуҩызшәа,
иаҳәоз иудырхуааз. Иумҳәақәаз аниҵазаргьы уздыруам.
Сыԥсы ҭоуп, сеибгоуп. Шәара шәыҟоума? Издыруада аӡәыр
даххыччазар, нас иҩызар? Аха ахәыҷқәа шәыхьӡқәа иҳәоит,
аӡәаӡәала дшәазҵаауеит. Иабантәааи, нан? Ниандома. Уи
ахьыҟоу анцәа идырп. Ҳоҳ, уара иушьуа анцәа дишьуам ҳәа,
иԥсы ҭаҵәҟьазаап, Дранда дрымшьызаап ари. Хьаас ҳҟаумҵан,
амла, ахьҭа хакуам, yapa уԥсы ахьеиқәурхаша уашьҭал ҳәа
ҳаргьы ашәҟәы изаҳашьҭит.
Даҽа знык аҟара ишәҟәы аахьанеиԥш...
Уи шыҟалаз уасҳәап. Аусҳәарҭа дахагылан Енуар ҳәа
аӡәы, гәаҵәажәпак, шаҟа ацәгьара узиуаз, убасҟак иара игәы
иазнарҳауан. Аԥошьҭа анааи, сыхьӡала ашәҟәы шыҟаз аниба,
дамыԥхьар изычҳауазма. Иудыруазеи, амшыннырцәынтәи
исзаазар, сышпионзар. Даԥхьазар, Енуар изыҳәан агәырӷьа
ҿҳәаша. Буџь, Абда, шәабаҟоу, шәеиза Аԥсара иахагылоу зегьы.
Аҽнышьыбжьон рыжәқәа аҵшақәа рыхшеит. Дара реиԥш
ҵәҟьа ауаа нырҵәаны, аколхоз еиҿкаатәуп ҳәа ихәыцуаз,
гәаҵәадак инаидырҵеит иҳаиҳәарц. Иахьагьы дызбо
џьысшьоит.
— Уа, Макбулиа, бабаҟоу?! — ҿиҭит агәашә даадгылан. Днапырхаха — шьапырхахоит. Ҿымҭ-ԥсымшь ашҭа дааҭаланы,
уахьгылоу днаудгылан, аԥсшәа уамҳәакәа, игәырӷәӷәагоу
ажәақәак нацҵаны уҳәа, ишаабац, ҳаламыс ишаҵанакуаз
ашәаџьҳәара абаҟоу. Шаҟа ламысдарала узныҟәауа, ажәлар
пату зқәырҵауа, уара шаҟа узаӷрагылауа, уаҩрас иршьауа,
шаҟа узақәжьцәауа, убасҟак аамҭа уадгылеит, унеишь-уааишь
ҳәа заҳәатәу уаҩуп ҳәа урыԥхьаӡон усҟан.
Агәашә уҭал сҳәан, иуам. Иара итәала илахь неиқәиҵашәа
иуит, аха игәы иҭоу иблақәа ирхыҳәҳәыла ицоит. Уажә дызбазма. Абар акомсомол активист.
— —Мшыбзиа, Макбулиа! — днапҟьа-шьапҟьоит.
— —Бзиа убааит! — сыԥсы ааивызгеит, дшәаџьҳәаҩымзаап.
Ихиҿы амҟәыбеиԥш ихагьежьааӡа, иӡамҩақәа ҭыҵәраауа,
ихәда хчаара, аԥхӡы алхәаҭоит.
— —Иҟалаз бмаҳаӡеи, Макбулиа?! Бхаҵа абахҭаҿы дахьҭакыз
дыԥсит, — иҳәан ҿааиҭит.
— —Уара уеибгазааиҭ, уи дыԥсызар усым, — уаҳа иоуҳәозеи,
амдыр.
— —Агәра бымгаӡои?
— —Уара уицҭакызма, дабаубеи?
— —Ашәҟәы иааит. Абар, баԥхьа, ибанаҳәап.
Аҽадагьы бзиарак ҟанаҵар алшоит ҳәа, ацәажәашьа
ахьизымдыруаз иаҳагьы исзеиӷьхеит. Цас иҳәоит, арҭ

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 25
- Büleklär
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3267Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21610.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3271Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21080.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3269Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21100.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3131Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21750.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3330Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20880.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3365Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21280.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3286Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22270.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3331Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23210.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3210Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23240.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3293Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21190.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3221Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21170.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 12Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3292Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23260.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 13Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3399Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22840.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 14Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3360Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22860.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 15Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3312Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22590.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 16Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3301Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21940.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 17Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3279Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22660.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 18Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3327Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22740.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 19Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3319Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23200.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 20Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3328Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22440.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 21Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3373Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21670.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 22Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3378Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22340.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 23Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3395Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22630.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 24Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3328Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22220.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 25Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3348Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22230.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 26Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3322Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21840.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 27Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3241Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21490.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 28Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3286Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22260.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 29Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3337Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20410.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 30Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3341Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20120.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 31Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3303Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21060.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 32Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3375Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21080.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 33Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3391Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22450.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 34Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3314Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21250.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 35Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3309Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20500.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 36Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3332Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20280.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 37Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3258Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21470.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 38Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 1886Unikal süzlärneñ gomumi sanı 12020.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.