LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 21
Süzlärneñ gomumi sanı 3373
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2167
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
иаҳҳәап, шгәыла иҽы иазаҳуз уареи сареи. Асы шьҭан сабду
симаны шәара шәҿы ҳаннеиз. Усгьы знапы ҳаныз ҳабдуцәа
ракәын иԥсаҭа шкәакәахааит, уабду Шьаиб ҳшибаҵәҟьаз:
— — Анцәа иџьшьоуп, ҳаи, анцәа иџьшьоуп, шәеибгашәеизҩыда!.. — ҳәа инапқәа ҩаирхахеит.
— — Сҩыза бзиа, сҭынха, уаргьы уԥсҭазаара шымариам здыруеит, аха абри аӡәк иоуп исзынхаз, акы анихь, сыҵәҩаншьап
ыҵысхит, дысзеиқәырха, дысзыхьча, — иҳәеит, инапы схы
иқәыкны, сназгаз сабду.
— — Даду, ҳара ҳҿы, Аҟәа, зынӡаск асы шьҭаӡам, араҟа!.. Сызхара асы сылахәмарлап, — сҳәеит сара.
— — Ухәмарла, дад, ԥшӡала ухәмарлааит, — днасеигәырӷьеит
Шьаиб.
— — Узхара ахәмарра мацароума... Араҟа иҟоуп, дад, уара
реиҳа узыргәаҟуа — узхара уфап, — иҳәеит иаахжәаны сабду.
Ииҳәоз иашагәышьан. Сара имҳәандаз сгәахәт. Аибашьра цон,
уи ԥхашьарамзар акәхарын. Ах, Алиас, усҟан уареи сареи...»
— — Сара исҳәо ухахьы иааугаӡом, — лҳәеит иганаҿ итәаз
аԥҳәыс, иара ишҟа даахьаҳәны.
— — Бгәы иалоузеи? — иҳәеит иара, лара лышҟа
дхьамԥшӡакәа.
— Асаба ҳагеит, асаркьа уҩах сҳәан, иумаҳаӡазшәа
ҟауҵеит. Уԥҳа ишаалҳәаҵәҟьаз аҟыԥҳәа уҿааухеит, — лафҵас
ишылҳәозгьы, агәалагьы рыҵан иԥҳәыс лажәақәа. Уи лажәақәа
иара иаҳауан харантә иааҩуаз рҩашк ашьҭыбжь иаҩызаха.
Ихәыҷра иадҳәалаз агәалашәара цқьа далымҵыцзт. Асаба
зынтәалаз амҩаду инаҟәиҭхеит илаԥш. Иԥҳәыс дналыхәаԥшит.
Агәаара, агәыбзыӷра, мамзаргьы џьара гәаҳәарак уҳәа,
изаҟаразаалак акгьы рхымызт иблақәа.
— — Бгәы иалоузеи? — иҳәеит еиҭах. Лара дааԥышәырччеит.
Лкасы ааиҵылхын, лхы инықәлыршәит, дтәан ҽыргәаа ҟаҵаны.
— — Мама, бара ибкырауазеи аруль, ианыбҭаху асаркьа
блаха-ҩахала, иахьыбҭаху баангылалап, — иҳәеит амашьына
ашьҭахь заҳәшьа илыдтәалаз, змышәхәы аақәҳәҳәуаз арԥыс.
Уи иаҳәшьагьы иаргьы еициит, аха иааҟәымҵӡакәа аиҳабра
аиҵбыра еимаркуан.
— — Асланчик, уара уеичырчаҩуп, сара аичырчаҩцәа
сцәымӷуп, — лҳәеит иан. Илҳәеит ирлафны. Лыҷкәын игәы
иалымсӡеит. Игәы ишалымсуаз шылдыруазгьы, лышьҭахьҟа
даахьаҳәын, лыҷкәын иацәажәара дналагеит лыбжьы
мырдуцәакәа. Ус ҟазшьас илыман, илыхшаз ракәым, қәрала лацкыс еиҳабызаргьы рҟазшьаҿы иҽеимкәа иаалбаз инахҳәааны
лакәк, ма ажәабжьк аҿаалырхон. Уажәгьы лыҷкәын ишҟа
дынхьаҳәны, «аичырчаҩ иеичырчарақәа данырҟәамҵ, ихьыз
уасҳәап» ҳәа» даналага, аруль зкыз лхаҵа игәы ааирҭынчын,
џьара икәараҵо, џьара анаарақәа инарҭало инарҭысуа игаз
амҩахь дшыԥшыц дыԥшуа, амашьына аныҟәашәа зны иааирццакуа, ҽазны иаархәҷуа, игәы иқәҩуаз абжьы иҽнамеидеит.
«Сара ахаан исхашҭуам, Алиас убасҟан шәгәыла иҽы иаахәаз.
Ииашаны ирҳәоит аҽынади аҵыхәа духоит ҳәа. Аваҵарақәа
алыҳәҳәо, ианыҟала инаркны аидара шақәыз иақәзу сыздыруам, абӷа ҭапалаӡа акәын шыҟаз. Ааигәара ҳаннеилак, абӷа
иҵегьы иҭанарпалон, ҳзынамӡар, ҳзақәымтәар ҳәа ишәозшәа.
Шаҟантә аԥсҭазаараҿы исгәалашәахьоузеи убри аҽы. Ааигәара
анеира уаналагалакь иугәаламшәои, иаразнак аҽаарҭынчны,
ахы ҩышьҭыхшәа, ашьапқәа ааимырҿаҿаны, шәааи, сыбӷа
шәықәтәа ҳәа иаагылон. Уи агәра агахьан, абӷа зыҟоу ақәтәара
азыҳәан мацароуп, изқәымтәо абӷа акгьы иаԥсам ҳәа.
Аԥсҭазаараҿ убри шәгәыла иҽы иеиԥшқәоу ауаа!..»
— — Папа, ҳаргьы иҳауҳәар маӡала узлацәажәо, ҳаргьы интересс иҟаҳамҵоз, — лҳәеит, лыҷкәын иацәажәара дааҟәыҵын,
иԥҳәыс. Дихлафшәа «папа» ҳәа иалҳәон зны-зынла.
— — Иҳаҳәа, папа, иҳаҳәа, — уи иналыцирӷызит иҷкәын.
Уи иаб акы иҳәандаз ҳәа дазыгәҳәуа дыҟамызт, аха иаб
ацәажәара далагар, нас дрыцәцон иан лыхшыҩрҵаратә
ажәабжь, мамзаргьы иара ишиҳәаҵәҟьаз ала иаҳҳәозар,
«ллакәқәа» рҳәара.
— Ижәбазшәа шәыҟандаз уи закә ҽыз! Ишәасымҳәаӡеит,
иахьа зыҟны ҳаҟаз аԥшәма, Алиаси сареи ҳаныхәыҷқәаз
ргәылара ҽык рыман, ӡынрак ҳазхара ҳҿанаҵеит, — иҳәеит
иара.
— Ахш амхны ижәжәуазма?! — иааџьалшьеит иԥҳәыс.
— —Бара уи бахыччаны изыбҳәозеи, мама, иҟоуп ажәларқәа
аҽы ахш ахьырфо, сара схаҭа саԥхьахьеит ашәҟәаҿы, —
иҳәеит иҷкәын.
— —Ахш аажәуандаз иабаргәыз. Ҳааҟәымҵӡакәа аҵыхәа
ыҵаҳхуан. Ақды инадыргыланы, аҵыхәа шьыҵәрак аалхны, ирҭрысны ҳанаахалак, иара анҵыгьлак ашьапхыц ақды
иҩаахон, ҳара аҵыхәа...
— —Ужас, изакәызеи, уара ахәыҷқәа ироуҳәо...
— —Ирасҳәазеи? Аҽы аҵыхәа шыҵаҳхуазу? Ҵаҟа ишьҭа
ҳәазо иауз аҵыхәа, ааԥын ҳанӷыҵсуаз аихада аҟынӡа
икьаҿхахьан... Ҳара ҳамацара ауҳакәхыз иҵызхуаз...
— —Иҟашәымҵан ҳәа шәазҳәашаз еиҳабы ҟәышкгьы
дышәмоуӡеи? — лҳәеит иԥҳәыс. Уи лхаҵа иаҵкыс жәашықәса
рыла деиҵбын.
— —Ахәшҭаара аԥхьа аишәақәа ҩба еиԥшьны, наҟ-ааҟ
ҳнадтәалон. Аҭаҳмадцәа, асабицәа... Алиас иан, лыԥсы
сакәхшахааит, Гәлиза, абысҭа шанылҵалак, шәааи, нанраа,
сысабицәа ҳәа, аҭаҳмадцәагьы наҳадкыланы ҿылҭуан.
Убасҵәҟьа ралҳәон аҭаҳмадцәа — сысабицәа. Лабхәа, Алиас иабду, неихыркәа имамкәа дажәхьан. Арҭ аҵапыҵасса
баԥхьаҟа ибԥылап, баба дбыкәхшоуп, аха ҳара, наҟ иҭаԥшхьоу,
баша акраҳҿабҵоит иҳәон.
— —Папа, цқьа иҳаҳәи аҽы аҵыхәа шыҵышәхуаз, — иҳәеит
иҷкәын.
— —Абзиара ус иугәалашәондаз, бааԥсык ануаҳалак ухы
ишҭашәо, — лҳәеит иԥҳәыс.
— —Алиас иан леиԥш иҟаз аҳәсақәа абџьар кны еибашьуамызт, атанкқәа ҟарҵомызт, агоспитальқәа рҿы ахәцәа
еиқәдырхомызт, аха урҭ аҿын усҟан зыда ԥсыхәа ыҟамыз
даҽакы — дара рыла ҳаԥсы ҭан зыбз ада зыхәламыз. Абыржәы
избо џьысшьоит, аҭаҳмадцәеи аҭакәажәцәеи бӷарҟәҟәо инеиуеит, ҳара ҳаибарыҩуа ҳрышьҭоуп. Абыргцәа еснагь итәон
аишәа ахахьы, ҳара — аҵыхәахь. Аӡәы аҵәца ааникылар,
ижәаанӡа ҳаихаҵгылазар акәын.
— —Апатуеиқәҵара анышәдырҵоз, аҽы ус азышәымун ҳәа
шәазҳәоз дҟамлаӡеи? —лҳәеит иԥҳәыс.
— —Ирарҳәаӡомызт аҽы аҵыхәа шыҵырхуаз. Аиҵбацәа
иааҟарҵо зегьы аиҳабацәа ирарҳәалароума? — лҳәеит иԥҳа.
— —Мап, ираҳҳәон, — иҳәеит иара. — Аҽы аҵыхәа ыҵхны
ианаа-ҳгалак, ацәҟьақәа рыҟаҵашьа ҳирбон Алиас иабду.
Ардәынақәа ҳкуан...
— Жестокий дикарь, уҩыза иабду, — лҳәеит иԥҳәыс.
— Ацыблыкьқәа анаҿашәозгьы убарын, — иҳәеит иара.
— —Еиҭах, жестокость, — уаҟәыҵ, суҳәоит, — лҳәеит иԥҳәыс. —
Иуқәшәазеи иахьа, изакәызеи ахәыҷқәа идурҵо, ироуҳәақәо.
— «Ацәҟьақәа ҳаны, ардәынақәа, ацыблыкьқәа рыкра ҳара
ҳзыҳәан игәмырҿыӷьган, Алиас, аха, иудыруеит, уи иабзоураны ҳбысҭақәа нықәҳаҳа иаҳфон. Уаҩ қьиак изыҳәан џьара
саԥхьахьеит, адгьыл ачҳара ичҳаран, адгьыл ақьиара иқьиаран
ҳәа. Уан, ԥсаҭа шкәакәа, Гәлиза лзыҳәан иҳәоушәоуп ишыҟоу,
Алиас. Знызаҵәыкгьы дгәамҵуа лыбжьы смаҳаит. Ухахьгьы иузаагом аҵәымӷ еиԥш сгәы ишалоу, уи данԥсы дахьсзымҵәыуаз.
Сан дыԥсит ҳәа ателеграмма анынаушьҭ исгәалашәоит, аинститут салгарц шықәсык акәын исыгыз. Аҳәынҭ-қарратә
ԥышәарақәа ракәӡам сзымаакәа снызкылаз. Исыцалгоз
архитекторцәа қәыԥшцәа ҩыџьеи сареи иҟаҳҵаз апроект рыдыркылеит, аибашьра ашьҭахь ишьақәдыргылоз қалақьк аҿы
убри аҩны аргылара иалагараны иҟан. «За оригинальное архитектурное решение» ҳәа апремиагьы ҳарҭеит. Иуасҳәарц
исҭахқәоу убасҟак ирацәоуп, Алиас, акы сгәалашәарц ианалагалак, аҽнадҳәаланы даҽакгьы аҿаанахоит. Сгәалашәарақәа
аки-аки шеилало, ишеилаӡҩо еиԥш ауп усҟан, ҳарҭ, шәара
шәҿы иҟаз ахәыҷқәеи аҭаҳмадцәеи ҳзыҳәан агәырҩеи
агәырӷьареи шеилаӡҩоз...»
— Папа, џьара ак иаҳәа Аслан! Умбаӡои иҟаиҵо! — лҳәеит
лыбжьы ҵарыхәҵәаӡа иԥҳа. Дахьтәаз дегьҩышьҭыԥеит.
Даахьаҳәын иԥҳа дналыхәаԥшит.—Ацгәы ԥшқа лхы иқәир
тәазаарын лашьа, илбаалгарц даналага ацгәы ашьапхыцқәа
лыхцәы иаларԥсны иакит. Ларгьы шаҟа илыхьыз инацҵаны,
дрыцҳаршьарц, лыбжьы ныҵакны дҵәаауан. Акгьы схарам,
capa исҭахыу аԥсеиқәырхара заҵәыкоуп аҳәарц аҭахызшәа,
ишалшоз икьиуан ацгәы ԥшқа.
— —Аичырчаҩ ихьыз ҳәа, хшыҩк ихы иҭаларц, сара ажәабжь
иаҳәара саҿуп, иара усҟан!.. Вот тебе! — лҳәан, атәарҭа азқәа
лыҽхырҳәҳәаны, ижәҩахыр, нас иуаҭәашәпара шыҟаз атах
ааихлыргеит иан.
— —Молодец, мама, асаба сықәлыршәшәеит, — иҳәеит арԥыс.
— Сыршьуеит, сыкнарҳауеит, помогите! — амашьына атәарҭахь
дхәыҵало, аҿыҭра далагеит.
— —Уԥшы, уԥшы! Уажәнатә!.. Еще издеваетсиа! Вот, получай!
— изқәа дынкыдсылан, инацылҵеит иан. — Абриҵәҟьагьы сара
дсызхәыцуам!..
Иԥҳәыс
аҵыхәтәантәи лажәақәа
иара
ишизкыз
изеилымкаауазшәа ҟаиҵеит. Амҩа ҭшәан, иҭаҟәаҭаҿаран.
Иаԥхьаҟа архәара иаавҵит аразинатә гьежь дуқәа зҵаз
атрактор. Уи ацраҳәа еиқәырчаҟәа аҭәа ақәын. Абӷаларҭа
инхықәырххыла амашьына анааникыла, ицәышҳабиӡа,
еилагьежь-еилахынҳәуа иашьҭаз асаба ҩахьӡан, иумбаӡо
иаҵәахит.
— —Папа, сара уаҳа саауам абрахь, — лҳәеит иԥҳа. — Аибашьраан ақалақьқәа шәрылҵны, шәхы еиқәшәырхарц егьаџьара
ҽыҵәахырҭас ишәыман, урҭ аҭыԥқәа зегьы сара исзыԥшаауам.
— —Сгәы иҭыбҳәааит, — инацлырӷызит лан.
— —Уажәгьы ихыхьчагоуп усеиԥш иҟоу ақыҭа, — иҳәеит иара
еиҭарсыз хшыҩҵакык наҭаны. Уажәадагьы ихаҿы иааихьан
уи ахшыҩҵак, аха уажәада ибжьы ҭыганы имҳәацызт.
— —Ацгәы схы иқәкны ианбанӡаску, иааҵысит, ашьапхыцқәа
насыланаҵоит, дурак такой, — лҳәеит иԥҳа. — Аслан дурак...
— —Сара сахьак збахьеит, ажәытәан мсыраа рыҳәсақәа рхы
агәыблаа ықәргыланы иныҟәон рыбӷақәа иашахарц азыҳәан,
— иҳәеит иҷкәын.
— —Сам кривой! Папа, ҳааугарауаз ма аӡын, мамзаргьы
ааԥынраз, асҟак асаба ҟаломызт, — лҳәеит иԥҳа.
Атрактор шаарывсыз еиԥш, амашььша аҿынанахеит.
— Сара иаҳагьы еиӷьасшьоит уажәланы, ҭагалара ианаса
кьаҳәымҭоу! — иҳәеит иҷкәын. — Мама, ҭагалан акәымкәа,
даҽазны ҳаазҭгьы, исзыԥшааӡомызт абри, — ишьапаҿы
игылаз ашәыра иааҭигеит биа ҟәазк. Аҭәарҭа азқәа инапы
хырҳәҳәо, иани иаби инадирбеит. Аб дахәаԥшызшәа ҟаиҵеит.
Ахәаԥшра аҵкыс ииҭахыз афҩы иаҳар акәын. Иарa иоуп
иҷкәын иазҳәазгьы абиа аагалаҳәа.
— — Сара исҳәо уаҳаӡом иахьак, аха суҳәоит, суҳәаҵәҟьоит,
сеиҭауҳәоит ӡиаск, ма дәҳәыԥшк аҿы ҳаннеилак амашьына
аанкыл, ҳаԥсы ҳахәлахоит, уара ухәыҷраан иуҩызаз дубарц
уҭахызҭгьы, ухала уаандаз, ҳара ҳзыниазеи, — лҳәеит иԥҳәыс.
— — Папа, абиа цқьа уахәаԥш, нас ухалагьы еилукаауеит уи
зуирбаз, — лҳәеит иԥҳа.
— — Даур, папа афҩы бзиа ибоит, ус ами, папа? Ишсоуҳәара,
папа, Алиаси уареи ишәеиҳабыда?
Иара ҿимҭӡеит.
— Шәпапа иахьа ҳара иаҳҳәо иаҳаӡом, — лҳәеит ан.
— — Ҳаныхәыҷқәаз
иҟаҳҵақәоз, ҳахьыхәмарқәоз ҳәа
ишәгәала-шәыршәон, арахь иара уихәаԥшыр, уара уаҵкьыс
акырӡа деиҳабушәа дыҟоуп, насгьы иара амаҭацәа иоухьеит,
— иҳәеит иҷкәын.
— — Дышқәыԥшӡаз ԥҳәыс дааигеит.
— — Уи аҭаацәараҿы зегь реиҳа, папа, убри, уара уҩыза
дысгәаԥхеит, — лҳәеит иԥҳа. — Амра алашара шацрыҵуа
еиԥш, мчык ицрыҵуеит. — Акакала ацгәы ашьапхыцқәа еидылкылан, лхы иахьықәтәаз илбаалгарц даҿын. — Уара уахьибаз ииашаҵәҟьаны деигәырӷьеит, папа, уи уҩыза. Иԥҳәыс
зынӡаск даҽаӡәуп.
— — Илҵәахырц даҿын, аха шаҟа илныԥшызеи инаҳгаз
аҳамҭақәа шылгәамԥхаз. Лқьышә иқәылҵеит, — аԥҳа
иналыцлырӷызит ан.
— — Аҳамҭақәа ракәым, аха ажәмыжәқәа, — иҳәеит Аслан.
«Уахык ацәҟьақәа рҳара ҳахьцаз, акраамҭа ҳанзымаа,
иугәаламшәои, Алиас...»
— — Ииҳәо умбои абри ахәыҷыҵәҟьа! Иабатәи ажәмыжәу!
Санхәыҷыз ақыҭаҿ акәым, ақалақь аҿгьы урҭ ирзааҳгақәаз
рҩызцәа амаҭәақәа анҳаулак!.. Ҳыҳ, уԥшы, уара! Бхыбҿы архиара азыҳәан акыр бҭахума ҳәа санлазҵаа, уҩыза иԥҳәыс,
польский шампунь бгәы иҭаз лҳәеит, — даҿын иԥҳәыс, — сара
мыжда, Париж далаланы днеиуаз џьушьап. Аҭыҭын афҩы
лхышәшәо...
— — Аҭаҭын дахома? — иҳәеит Аслан. — Акалақь аҟны ауп
аӡӷабцәеи аҳәса қәыԥшцәеи аҭаҭын иахьахо.
— — Аҭаҭын денгьқәа ахьеиқәыз умбаӡеи?!
— — Мама рыҩны хыхьтәи аетаж ахь бхамлаӡеи? — ҿаалҭит
аԥҳа. — Мама, уаҟа убасеиԥш ҩнымаҭәак ҩнагылоуп, румынский. Бахәаԥшыр, обалдеешь.
— Шәаангыли бара! Амаҭәа, аҩнымаҭәа! Папа, сызуазҵааз
аҭак ҟаумҵаӡеит, — иҳәеит иҷкәын. Дааҟәымҵӡакәа
инарҳәы-аарҳәуа дахәаԥшуан иҩнапык рыла иикыз абиа. —
Ишәеиҳабыда Алиаси уареи?
— — Уаб деиҳабуп, уҽырҭынч. Уиԥырхагамхан амашьына
ахьныҟәицо, — лҳәеит ан.
— — Мап, Алиас деиҳабуп. Базхәыц, мама, Алиас имаҭа,
ахәмаргақәа заҳҭаз, дныҟәо ашҭа дықәуп, уи иаҵкыс
еиҳабугьы дыҟоуп...
— — Уаҟа ахәыҷқәа шаҟаҩы ыҟаз сара исзымдырит. Дара
иртәыз, агәылацәа иртәыз... Аҭаца рыцҳа, несчастнаиа, аӡәы
лнапаҿы дылкуп, ҽаӡәы лкалҭ дахьынҳалоуп. Ужас!..
— — Ҽаӡәгьы лымгәа дҭоуп, — иҳәеит иара, убри аамҭазы
иаҳауаз абжьы дазхәыцыртә «иԥхыӡ» далҵхьан. —
Насыԥдарами, усоуп бара ишеилыбкаауа. Бакәхшааит лымгәа!
— Ушԥацәажәо, уара! Ахәыҷқәа ишраҳауа, — лҳәеит ан. —
Ушаҟәыҵра наҟ! Ахәыҷқәа! Саргьы тоже хочу жить!
— — Папа, шәеиқәлацәазар, Алиас дабдухеижьтеи, уара?.. —
изҵаара аҭак имаҳакәа даҟәыҵуамызт Аслан.
— — Уажәнатә ԥҳәыс дааугар ирласны дабдумхои ҳаргьы
ҳаб, — лҳәеит аԥҳа.
— — Сара ԥҳәыс даазгаанӡа, бара жәантә хаҵа бцоит. Папа,
Хьыблеи ҷкәынаки еиԥылоит ашкол аҿы...
Днаскьацыԥхьаӡа, ӡыхьк ашьҭыбжь ишьҭахьҟа иаани
жьуазшәа, ахәыҷқәа, иԥхәыс рыбжьқәа наицәыхарахо, дна
ԥырҵуа, «иԥхыӡ» хаа еиҭа иҽнеиҭеит. Иазнымкыло ашәыб
зықәхаз аҵла, ҵаргәа хәыҷыкгьы шахәо еиԥш, ихәыҷра
иахылҵуаз убри «аԥхыӡ» иԥсҭазаараҿы акырынтә ихәахьан.
Иԥсҭазаара зегьыҵәҟьа аиҭакра, даҽа мҩак ақәҵара алшартә
иҟамзаргьы, уи «аԥхыӡ» иахҟьаны, ишьҭахьҟа дхьаԥшны,
имҩа акырынтә даныԥшылахьан, «Аҷҷаҳәа иҵаауа, ахәш
ҭаара ҳаҽҳәазцалоз уи аӡынра... Ала абз хәтәуа, ишоураз
убри аԥхынра, Алиас, уара иуздыруам, шаҟа ихәарҭа дуны
иҟалахьоу сара сзыҳәан. Ухаҿы иааг абасеиԥш асахьа. Аҵх
лашьца иалԥхоит мца лашарак. Аԥсабара исзалнахыз амҩа
сықәызҭгьы, сцалар акәын убри амца лашарахь. Сара? Сара
сцон сызқәа еирханы. Ус акәзар, Шьықәр, уара излаухәазеи
уи аӡынреи уи аԥхынреи ирыдҳәалоу агәалашәарақәа ҳәа ус
усазҵаашт. Изласыхәаз убри ауп, иааҟәымҵӡакәа иснарбон
шаҟа снаскьахьоу. Аа, уажәы, схьаԥшны снаԥшны изымбартә
aҟapa иҿыцәаауа ианалагоуп уа мшыбзиақәа ҳәа уашҭа
санҭала. Исыԥсҭазаашьоу уазҵаауан. Сусурҭа бзиоуп. Сҭаацәа
ракәзар, ублала иубоит. Анцәа иџьшьоуп, Анцәа иџьшьоуп, умшын. Ииашаҵәҟьаны, Алиас, адәахьала усыхәаԥшуазар, зегьы
рыла иманшәалахаз, изықәҿиаз уаҩуп. Исоуит, зегь соуит, аха
ишсоузоуп ҳәашьа змам акәымзар. Иахҭнуҵои иаҭныҵуеи...
Уҭи-сыҭи еишьҭоуп ҳәа зырҳәаз напыла еимырдо азыҳәан
мацара ауакәху. Иахҭынҵоуи иаҭнысхызи... Еидара хьанҭак
снаҵалоит, аха иҟауҵарызеи ус ҳаишазар. Сыԥҳәыс, сыԥҳа,
сыҷкәын... Уигьы анцәа иџьшьоуп. Аха абри анасыԥгьы, Алиас,
уаҩы исызиаҳәом акәымзар, аҵаа цәгьеи ашоура бааԥси зхызымгац, ҿыц еиҭарҳаз аҵиаа иаҩызоуп. Иахьынӡааԥынроу
ишәҭыкакаҷуеит. Узықәгәыӷша акы заҵәыкоуп — усҟан
иӷәӷәамхар ахьҭа, усҟан ишоурамхар аԥхын. Дац-ԥашәс
анасыԥ иашаҵәҟьа иумоу анеилыскаа. Алиас, зыӡбахә уасҳәаз
амца хәыҷы алашара сыбла иацәыӡуа aҟapа снаскьахьан,
уаанӡа амҩа сахьынӡақәыз, анасыԥ ԥашәс иамоу ҳәа реиҳа
сзықәгәыӷуаз... Саб, ишудыруа, аибашьрахьтә дыхнымҳәӡеит.
Иугәаламшәои, ақыҭанхамҩатә училишьче уанҭаз, ҳаҩны
унеихьан, иубахьан сани сареи ҳзыҩназ ақәахь. Ҩ-ҿык аман
умҳәозар, изаҟарази зеиԥшраз... Уажәы capa исызгылоу агараж иаҳа еиҳауп, иаҳа иагьеиӷьуп. Сашҭа иҭало иаҭнысхызоуп
иибо, иахҭнысҵаз, атәымуаа ракәым, сыԥҳәысҵәҟьагьы
иеилкааны илымам, дагьазымҵаац. Адгьыл зныкыр аԥҭа
иазҵаахьоума ақәаӡы абааугеи ҳәа. Ус иахәҭоуп аԥҭа, ауал
нанагӡоит. Уажәазы маҷк саԥырҵзаргьы, даҽа маҷк саанаскьар, даҽа шьаҿақәак анааҟасҵалак, нас саахьаҳәын, сымца
хәыҷ ашҟа амҩа сықәлап шысҳәоз...»
— —Папа, мама! Шәахәаԥш, шәахәаԥш Аслан аартра иҟаиҵаз!
Великое открытие! — лыбжьы ҵарыхәҵәаӡа игеит иԥҳа. Лнапы ҟәымшәышә, лнапы ԥшқа лаб ижәҩахыр инықәылҵеит.
— Ҿыбымҭын! — инапы лқьышә инаԥыреикит Аслан. — Сара
маӡала иласҳәеит, лара! Уаҳа акгьы басҳәаӡом, дура такаиа!
Иааг арахь! — Абиа лымпыҵихырц далагеит, илымҭеит.
— —Уахәаԥш, папа, суҳәоит, уахәаԥш. Аӡәы, ибзианы иудыруа аӡәы, ихиҿы угәаланамыршәаӡои ари абиа? — лаб
иаԥхьаҟа абиа налырххеит.
— —Хьыбла, баб дбыкәыхшоуп, наҟ ашәыра иҭаҵа, — иҳәеит
иара. Уи уажәы ииҭахыз акы заҵәык акәын — аӡәгьы далимхырц «иԥхыӡ» хаа. Ихәыҷра иадҳәалаз убри аиҩызара ицқьан
шьыжьтәи амра ашәахәақәа реиԥш. Иахьа ианеиқәшәа Алиаси иареи, егьа иеиҳәарц, егьа игәалаиршәарц иҭахызаргьы
аҳәахагьы агәаларшәаразгьы шаҟа иҭахыз аамҭа иман, аха
изыхҟьаз, изизымҳәаз изымдырӡо, игәаҵа ишҭаз иаанхаз зегьы, уажәы гәанала аҳәара даҿын.
— —Афҩы азыҳәаноуп папа абиа бзиа изибо, — иҳәеит Аслан. — Иааг, Хьыбла, арахь! — иаҳәшьа лмахәар дахон.
— —Дети, шәиԥырхагамхан шәаб! Аруль икуп, насгьы аӡәы
длызхәыцуеит шәымбаӡои! — лҳәеит иԥҳәыс.— Иааги, уи
абиа...
— —Бахәаԥш, мама, сбыҳәоит, бахәаԥш! Акрыфараз ҳаҩны
аӡәы дымнеилои, убри ихиҿы бгәаланаршәоит! Аслан иоуп уи
аартра ҟазҵаз.
— —Изакәызеи
ибцәажәашьоу! Бқьышә ҭасхәахәап!
Иумаҳаӡои, yapa, уԥҳа илцәажәашьоу?! — лҳәеит иԥҳәыс.
— Ҳаҩны сталауеиушәа! Асас изыҳәан акрыфара дааит ҳәа
бҳәар шыҟамло...
— —Былҟәаҵ, аиаша лҳәеит.
— Изакәызеи ииашоу?! Дызҿу дызусҭоу удыруама? Удиректор.
— —Ҳара ҳҿы крыфара инеило бҳәама, Хьыбла? Уи адунеигьы дзықәнагалаз акрыфара азыҳәан мацароуп, амала ибзымдыруа ҳара иара криҿаҳҵом, аха иара ҳара акраҳҿеиҵоит,
папа дбыкәыхшахааит.
— —Изакәызеи, уара, иуцәажәашьоу! Уи изыҳәан сара акы
сҳәар акәым, ианаамҭоу ихәы ҟасымҵар сушьуеит, уԥҳа
илҳәалак ҟалоит.
— —Уи макьана дақәиҭуп аиаша аҳәара.
— —Папа, мама, шәахәаԥш, ииашаҵәҟьаны ари абиа удиректор ихиҿы, ну, папа копиа он... Сара алым ахаҿы иеиԥшуп
сҳәеит, ашьҭахь Аслан иҳәеит уара удиректор...
— Иазхоуп! Зхызҿы иеиԥшу дсыздыруам, axa акомпот бзиа
алҵуеит, — лҳәеит ан. Инарҳәы-аарҳәуа абиа дахәаԥшуан. Аччара дакит цқьа данахәаԥш. — Цыракоума, Шьықәыр, иҿухыз?
Ииашаҵәҟьаны акампот бзиа алҵуеит абиа.
— — Абраҟа иқәҵа, афҩы ахылҵлааит, — иаалымихын,
иганаҿы инықәиҵеит.
— — Аӡәы — афҩы, аӡәы — акампот! — абиа аақәылԥааит
иԥҳа. — Абар, шәахәаԥш алым маҟы еиԥшҵәҟьа, илахь ажьышә
кақәчааӡа, иқьышә шәпақәа ҭарҽыланы...
— Бара усгьы аԥшреи асахьеи роуп бызхәаԥшуа. Ихшыҩ
бахәаԥш, ихшыҩ. Уи ауриацәа реиԥшоуп дышҟәышу, — лҳәеит
иԥҳәыс.
— — Уи доуриаӡам, — иҳәеит Шьықәыр. — Схәыҷыҷа, ааба рҿы
итәоу аҭыԥҳа наӡа, бара ишԥабзеилымкаауеи, ауаҩы иҩыза
гәакьа, иԥсы дизалымхуа бзиа иибо иҩыза изыҳәан абасеиԥш
иаҳар игәы ишалсуа, бхаҵазҭгьы аиҿахысрахь сбыԥхьон.
— Иубома, Аслан, сара иуасымҳәаз папа игәы иалсӡом
ҳәа... Сара еснагь издыруан папа уи ҩызас дшимԥхьаӡоз.
— — Ибазҳәада ҩызас дсыԥхьаӡом ҳәа? Уара уҩыза, уара
иуеиԥшу, уapa узеиԥшу, шәҩыџьагьы еиԥшу... ҳа-ҳа!
— Анцәа иџьшьоуп, ацивилизациахь ҳкылсит! Шәахәаԥш,
уахь ҳанцоз чиорнаиа «Волга» ҳақәтәан, арахь белаиа «Волгала» ҳааит, — лҳәеит иԥҳәыс.
Амашьына аныҟәашәа иаагирхан, дааҵәин, Aҟәaҟa ихы рха,
акаҭран мҩа ианыршәла иҿыҩеихеит, асабагьы нашьҭаӡит.
Ишәцәалаӡыз рацәоуп абиа цқьа шәахьахәамԥшыз ҳәа аа-
наго, лҽыргәааны днатәеит иԥҳа, ан лышьҭахьҟа дынхьаҳәын,
ухы уаахи ҳәа неилырбеит лыҷкәын, нас дԥышәырччо илымҳа
акы нҭалҳәеит.
— — Папа, унымҩахыҵны, амшын ахықә аҿы џьара амашьына аанукыларц, уapa суҳәарц, сара дсыҳәеит мама, — иҳәеит
ирлафны Аслан.
— — Уан убас сызлаҳәа, лара илҳәо лҿала илҳәаанӡа, уapa
иуҳәаны сара исаҳар, capa иаҳагьы иҟасҵаӡом, — убасҵәҟьа
аччаԥшь наҵаҵаны инаиаҭеикит, уи еиҭа дхынҳәырц
даҿын уаанӡа игәанала дзацәажәоз ишҟа, аха ицәаара
дшынахьыԥшлак, ашәарыцаҩ ихԥша зҿасыз ашәарах еиԥш
днаимпыҵаӡуан.
— —Папачка, ииашаҵәҟьаны, давай, амшын ахь ҳамҩахы
ҵып. Аԥхын еиԥшҵәҟьа иԥхоит амра. Асаба ҳақәҳаршәшәап.
Сара исҭахуп зны ҳахьыҟаз ҳаугар, — лҳәеит иԥҳа.
— Гаремҟа умҩахыҵыр лҭахуп Хьыбла. Нас лара убраҟа, Гарем аҿы, асулҭан игарем азыҳәан даҳҭиуеит, — иҳәеит Аслан.
— —Абагажник иҭатәоу ашәишәигьы аԥсы ҭазар аабап, —
лҳәеит иԥҳәыс.
— —Изакәызеи, бара, абагажник иҭатәоу?
— —Папа, ашәишәи ҳалҭеит аԥшәмаԥҳәыс, иумбаӡеи? —
лҳәеит иԥҳа. — Ноиабр аныҳәазы ишәшьып, лҳәеит. Убасҟак
идууп, сахан исзышьҭымхит. Уахынла агараж иҭаҳклоит, ҽынла
иааҭыганы акраҿаҳҵалоит.
Иаргьы дназхәыцит ииашашәҟьаны амшын ахь днымҩа
хыҵырц. Уи бзиа ибон иԥҳәыс, иҷкәын, бзиа дибон иԥҳа,
бзиа ибон иусура, аха уажәы убрахь, уаҵәы, ашәахьаҽны
иусурҭа ахьизыԥшыз акәыз, абарҭ, амашьына иҭатәоу
ракәыз, аӡәгьы иааигәа дыҟамкәа, аӡәгьы ибжьы имаҳауа
дазыӡырҩларц дазгәышьуан «иԥхыӡ» иалыҩуаз ибжьы мацара. Уаԥырҵны унаскьацыԥхьаӡа, ашьҭыбжь шышьҭабо
еиԥш арҩаш, игәалашәара aшҟа шаҟа дхынҳәуаз, убасҟак
имаҳауа ихарахон иԥҳәыс, иҷкәын, иԥҳа реицәажәабжь,
рыччабжь. «Ишудыруа, Алиас, убри аӡынразы аиҳабацәа
ҳашәарыцара ишадгылоз анаҳба, ҳазҿӡаз ацәҟьарақәа рҳара
акәын. Шәгәыла иҽы иҵыгьуеит, аҵыхәа уахькьысыр уашьуеит ануҳәа, ҵла ҟатак инадҳаргылан, шьыҵәрак аҵыхәа
надҿаҳҳәалеит. Афырмахьҵә рыхха аҽы рыцҳа ҳанас... Сара
сҽы аҵыхәа збар исзымдыруа сыҟоума, уи аԥштәы зып}
штәу ааигәа-сигәа аӡәгьы ҽы имаӡам. Иазыжәуазеи, уара,
ашьа алыжжуа ҳәа агәыла данааи... Алиас, иуасымҳәаӡеит,
аҽы убас аназаҳу, иҟаҳҵаҵәҟьаз сыблала ианызба, уахынла
шаҟантә сцәырҳаны сааԥшызеи! Иҵӡазеи уиаахыс. Аибашьра мышьҭа бзиала еилгеит. Ҳара ҳаицәыӡит. Знык ҩынтә
машәыршәа џьара ҳнеиқәшәеитоуп. Исгәалашәоит, санстудентыз, аиҩызцәа ҳшеицәажәоз, сыҽхәаны ус ҿаасҭит: «Сара
аибашьраан, аҭаҭын еиҭасҳауан, исрашәон, иҿысхуан». Зегьы аччара иалагеит. Ҳаи, уара уакәзаап афашистцәа зшьыз
рҳәеит. Уажәы иҟоушь уи, уан ҳахьлыцхраауаз аҭаҭынрҭа?
Угәы рҭынчны уцәартә уҟоуп, иубаргәузеи анысҳәа иахьа,
шаҟа иџьоушьазеи. Уара уԥсҭазара иадкыланы саназхәыц,
Алиас, зынӡаск даҽакала исзаатит сара сыԥсҭазара. Уԥхӡы
зықәҭәам шәырҵлакгьы узгылам. Ани, ҳагәнаҳақәа дкыдҵан
иршьыз иаб, Анцәа, ԥхӡашала иааурыхлааит учаҿаҵахәы ҳәа
ҟәадас иқәиҵеит ауаҩы. Ачаҿаҵахәы мацара ауакәху, бзиарас
иҟоу зегьы аԥхӡы рықәҭәароуп, усҟаноуп уҽыҩ, аԥхьахә анаго. Уажәы акәу џьушьозар уи аныздыр?.. Исзымдыруазар иаҳа
еиӷьын. Аинститут исыцҭаз сҩызак дсасны дысҭан сынтәа.
Сыҩны акраамҭа дахәаԥшуан. Ихы иааҭашәаз иаахтны изҳәо
уаҩуп. «Азин умамызт, Шьықәыр, ари аҩыза апроект уара
ухазы аҟаҵара», — иҳәеит. Хырқьиарас иԥхьаӡеит, сыгәра
имгеит, аха сара ииашаҵәҟьаны иасҳәеит уи апроект раԥхьа
схазы ишыҟасымҵаз. Реиҳа идуны, зеиԥш ҩнык азы иҟаҵан.
Амҩа амоуит. Ишәҭахымзар уаҳа шәымԥын иқәызгалом
сҳәеит. Иаархәыҷны схазы иҟасҵеит. Сҩыза дааԥышәырччан,
ус ҿааиҭит: «Аҩсҭаа ихәхааит, уара иулеиҵаз абаҩхатәра
аҽаӡәы илаиҵарауаз. Даҽаӡәы, убри абаҩхатәра злаихьчаша даҽа баҩхатәракгьы злоу». Цқьа уазхәыци. Алиас, уи
иажәақәа... Баҩхатәра бзиак улазар, убри злаухьчаша даҽа
баҩхатәракгьы уҭахызаап. Axaҵapa иаҳагьы изҭаху...»
— —Папа, папачка, суҳәоит, ҳамҩахыҵып Гаремҟа, — лҳәеит
иԥҳа.
— —Асулҭан ԥашьа игарем азыҳәан даҳҭир лҭахуп, ишәасым
ҳәеи, — иҳәеит иҷкәын.
— —Дурак. Уаҟа амшын уамашәа ицқьоуп, иааҟәымҵӡакәа
аԥша асуеит. Ажәытәӡатәи абааш гылоуп, иаакәыршаны
еихышәшәоит амзаҵлақәа, — лҳәеит Хьыбла.
— —Иаҳагьы иахьеиӷьу шәызгоит, — иҳәеит иара. — Ԥсыӡкра
ҳахьыҟаз, иухашҭма, Асланчик?
— —Шәқәырча. Уаҟа совсем шикарно.
Амҩахыҵырҭа даназааигәаха, еиҭа днаразҵааит ииаша
ҵәҟьаны ҳамҩахыҵыр шәҭахума ҳәа. Уи идыруан дымҩахыҵыр
шырҭахыз, аха дразҵааит. Иҭахын даҽазнык иашьапкуа иҳәар,
иахҭнысҵази иаҭнысхызи ҳәа ихы иҭагьежьуаз азҵаара аҭак
аԥшаараҿы акыр ихәозшәа.
— —Eиҭax асаба зынчылоу амҩа ҳнанылеит, — лҳәеит лкасы
аҿацә лԥыракуа иԥҳәыс.
— Зато уажәшьҭан аҳауа цқьаҵәҟьа ҳфоит, — лҳәеит Хьыбла.
— Сара, папа, уажәааигәа сатиратә жәабжьк саԥхьеит, уаҟа
ианын уажәы ҳашцо ҳцозар, ацеллофан пакетқәа ирҭаҵаны,
аҳауа цқьа рҭиуа аҟынӡа ҳнанагоит анаукатә техникатә прогресс ҳәа.
— —Уи ҳара ҳҿы акәхаӡом, наҟ, анҭ, еилабаауа рҿоуп, —
иҳәеит иара. Ихшаз иахьырзеилымкааз иаҳагьы еиӷьишьеит.
— —Ақалақь уалаланы унеиуеит. Улаԥш нақәшәоит адәқьан.
«Аҳауа ҭирҭа». Уныҩналоит. Исышәҭи иахьеи уаҵәи исызхаша
аҳауа... Ҳа-ҳа-ҳа! — даҿын иԥҳа.
— —Шәахәаԥш, ԥсыӡкра абра ҳаныҟазгьы убас акәын.
Иҳавсуа амашьынақәа зегьы неибанеиԥшуп. Иаарго аидарагьы акоуп, — иҳәеит Аслан. — Абӷанҷ, аԥслымӡ... Изакәытә
ԥшаҳәа ԥшӡоузеи идырҿаасҭаз!
Игәы иахәеит иҷкәын иажәақәа.
— —Аха аҩнқәа зладыргылозеи, Аслан, аԥслымӡи абӷанҷи
рымгар? — иҷкәын имаикыр иҭахын.
— —Шәқәырча дырҿаасҭеит, даҽаџьара ирыԥшаар амуӡои?
— иҳәеит Аслан.
— —Уи уара уусс алам, — лҳәеит иан.
— —Уиашоуп Аслан! — иҳәеит иара. Гәахәара лашарак наиҿ
ықәлеит, нас гәҭахәыцрала, уаанӡа «ԥхыӡла» дзацәажәоз
иеиҳәозшәа инациҵеит. — Акы уцәымӡыкәа, Асланчик, даҽакы
уоуам. Аус злоу, иахҭнуҵаз аҵкыс иаҭнухыз еиҳазароуп.
— —Ииашоуп, зегьынџьара хәаахәҭроуп иҟоу, — лҳәеит
иԥҳәыс, — ҳара ҳинститут аҟны ԥҳәыск aуc луеит, мызкы-ҩымз
рахьтә знык Москва дцоит, аҳәса рмагәқәа импортниқәа
аалхәоит. Иаалхәоит ҩба, ма хԥа. Аҩынтәхәы рыцҵаны араҟа
илҭиуеит. Амҩақьыра илцәагази асасааирҭа иахҭнылҵази
ирхашәаланы ҵәыцак акаҳуа ахә лмоургьы, лара лгәы иахәоит.
— —Ибзиами, ибзиами, — иҳәеит иара, илҳәаз абжа шима
ҳазгьы.
Аԥшаҳәаҿы ayaa маҷын. Абҵарамза аҽеиҩнашахьан. Амра
шаҟа амч маҷхоз аҟара имаҷхон аԥсшьаҩцәагьы. Амшын
цәқәырԥаны, аҽрыцқьаны еиқәтәеижьҭеи уамак ҵуамызт.
Шьаҿақәак иааскьаны иқәԥсан аҟәарамҿ сса-мыссақәа,
афархьқәа. Реиҳа иҩақәаз ааԥыҵәҵәо, мца хәыҷык ахы
неихәлеикит. Ихы игәалашәоз раахыс уи бзиа ибон амца.
Уажәы убри амцагьы игәаланаршәон ихәыҷра, игәаланаршәон
ақыҭаҿы даныҟаз ӡынраки ԥхынраки. «Уан кыцхыр мгьалк
ӡны инаҳалҭон, иугәаламшәои, Алиас? Ҳшәыра инҭаҵаны
ҳцон аӡиас Чаӷьыр ашҟа. Аԥсаса ҳахьчон, ҳахьшьцәа дуқәан.
Ахмаҷырқәа ҳмаҟа инадаҳҳәалон. Уабду иаҳирҵон ахшца
аҟаҵашьа. Амца неиқәаҳҵон. Ахаҳә шкәакәа, ахаҳә кәымпыл
ныҽҳәаҵаны иҳаршуан. Аџьма аанкыланы ахмаҷыр инҭаҳхьон.
Ахаҳә ааҽҳәԥааны ахмаҷыр инҭаҳаршәуан. Агәараҳәа ишуан
ахш. Ҽнак убас аныҟаҳҵа, ахәылԥаз аҩны ҳанааи, џьмакоуп
шәҩыџьагьы ишәхьаз, ахш иамаз зегьы амышәхит, уажәшьҭа
ани шәара шәҩыза, аӡыс хәыҷы иафозеи? Маҷк-маҷк зегьы
ирымышәхыр акәын иҳәеит. Уажәааигәа сышхәыцуаз, убас
сгәы иааҭашәеит, Алиас, ҳхәыҷра иацыз амлакра, агәҳәра,
аҽыҵәахны исыӷратәазма? Уи амч иаҳа иӷәӷәахама даҽа
гәҳәрак аҵкыс? Усеиԥш...»
— — Папа, папачка, саргьы исҭахуп амца, — дааидыххылеит
иԥҳа.
— — Саргьы, — уи длышьҭахх дааит иҷкәын.
Ахәыҷқәа аҩыџьагьы афархьқәа еизыҟәшәаны иаарган
амца инақәрыԥсеит. Амра лҽаҭаны дгылан иԥҳәыс. Илеиҳәашаз
дазхәыцны акгьы шимамызгьы, дналацәажәар иҭаххеит. Ус
зны-зынла лацәажәара дназгәҳәлон. Изакәызаалак џьара акы
аҳәара дналагон, избанзар иара иҭахын дызусҭзаалак џьара
аӡәы иацәажәара. Аха иҟан даҽакгьы, илеиҳәозаалакгьы џьара
акы налаҳәаны, иԥҳәыс лацәажәара зиҭахыз. Лара, ҿымҭӡакәа
даҽаџьара даныԥшуа, даҽакы даназхәыцуа, иааигәара
зынӡаск адунеи ҭацәӡаны ибо далагон. Уи иара дацәшәон.
Лафк налеиҳәар, дналацәажәар, иара ишҟа дирхынҳәыр
иҭаххеит. Аха илеиҳәарц ихаҿы иааиқәоз аҭакқәагьы рыцын.
«Иҟоузеи шәинститут аҿы»? «Ачаи ажәра ҳаҿуп». «Ачаи мацара акәзар бзиоуп». «Аҩгьы аажәлоит». «Иахьа хәлаанӡа
ачаи ажәра бзиа избоз аӡәы иӡбеит ачаи аҭҵаара ҳәа аинститут. Адиректор, анаука усзуҩцәа, алаборантцәа...» Лусурҭа
абасшәақәа қьышәқәҵарала ахцәажәара даналагалак, бзиа
ибон лара дахьаргәаауаз.
Амра ашҟа лҿы рханы дышгылаз, ус ҿаалҭит:
— Ирзаҳгаз аҳамҭақәа баша амала ираҳҭеит. Макьана
иҿыцӡа иҟан адеиалақәа.
— Мама, бара бхаҭа бами изҳәаз иаҳгап ҳәа. Папа
зынӡаскгьы иҭахӡамызт урҭ адеиалақәеи иҭаҳҵақәаз
амаҭәақәеи ргара, — лҳәеит иԥҳа, иара аҭак ҟаиҵаанӡа.
— —Мап, саргьы исҭахын иаҳгар, — иҳәеит иара, лара длыдгыларц азыҳәан мацара.
— —Дзаргәаазеи, ишәықәшәҵо шәымаӡам ҳәа ласҳәама,
ахыӷәраҿы инкабыршәыр, ахәыҷқәа ықәхәмарлап сҳәеит.
— —Урҭ рхыӷәраҿы чешски паласқәа каршәуп, — иҳәеит Аслан. — Скуртка баша ирыбҭеит, уаҟа аӡәгьы ишәиҵаӡом.
— —Сара сыҵкқәа, — лҳәеит Хьыбла.
— —Усҟацәа иршәырҵоит. Ҳара иахьҳаҳауаз ус лҳәеитоуп, —
лҳәеит ран.
— —Ҳшәишәи ҳхашҭит. Сара иҭызгоит, — иҳәеит Аслан.
Дыҩны дцеит амашьынахь. Аидара аҭаҵарҭа ааиртын,
ашәишәи ааҭигеит. Амра зхыҷҷалаз аблақәа аахнаҩан,
уҟоума ҳәа амра иазҿнаҭуазшәа, ахәда ҩеиҵҳәаны иааҟәы
рҟәырит. Амҵәыжәҩақәа ҿаҳәан, ишьаҳан. Иааҟәым
ҵӡакәа иҟәырҟәыруан ашәишәи. Ахәыҷқәа ԥыҭраамҭак уи
иалахәмаруан, ашьҭахь, ргәы анақәԥҵәа, амашьына ашьҭахь
инадҿаҳәалан, аԥшаҳәа анаҩс амзара аккарахь ицеит. Иҭынчӡа
иҭатәаз амшын хаҳәқәак наларшәуа, анышьқәа, урҭ ирхаԥыруаз
аҷнышқәа уҳәа ибла ишабозгьы, акгьы дазымхәыцӡо дтәан.
— Абарҭқәа зуасҳәо удыруама, Алиас? Иуасымҳәеи, иахьа
снаулаԥшны цқьа уанызбақәа... Изныкымкәа, иҩынтәымкәа
схы сазхәыцит. Уажәраанӡа иуасҳәаз амацара акәындаз,
шаҟа еиҿырԥшра, рҽыҵәахны иԥшызшәа, исызцәырҵзеи.
Ишьҭхысаа инеиуан аҽы. Зны аӷәра арҭон, ҽазны аҟамчы
ахырҟьон. Зны иара ахала иагәаԥханы иҩуан, аха даҽазных,
зынӡаск ианаҭахӡамыз, имыҩыр ақәыџьмақәа ирфон. Амҩан
ахьҭа иакит, имлашьит, аха иара аанҿасшьа амам. Ус ишнеиуаз
адәеиужь аҿы инкылсит. Уара иумдыруеи, Алиас, иаразнак иаангылаз аҽы иахьуа. Ма ихәжәоит, мамзаргьы уаҳа измыҩуа,
агәахы ашша ықәлоит. Сыҩны збауа иҟазҵада абри архитектура ҳәа имҩахыҵны иазҵаауеит, сара иахьа уара ужәбора
саҵашьыцуа сахәаԥшуан. Уи еиҳау мал...»
— —Уара, усҟак умтәан ахаҳәраҿы. Ихьшәашәоуп, ахьҭа
улалар ҟалоит, — ижәҩахыр аалырҵысит иԥҳәыс. Иганаҿы
днатәеит. — Ариабжьарак зынӡаск усгәаԥхаӡом. — Лнапқәа
ихахәы иналылшьит. — Аӡәы бзиа дубеит ҳәа сыҟоуп схаҵа
хәыҷы. Хәыцрак унҭанагалоит.
— —Бзиа дсымбеит, аха бзиа дызбон. Сгәы иаанагоит ларгьы
убас дысзыҟан ҳәа. Аха сара дыснаԥхеит. Ибаҳахьоу ауаҩы
ихы инаԥхо?
— —Уаҟәыҵ. Ақәыԥшра, агәҭыхақәа... Сара сзакәхарц

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 22
- Büleklär
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3267Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21610.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3271Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21080.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3269Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21100.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3131Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21750.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3330Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20880.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3365Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21280.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3286Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22270.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3331Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23210.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3210Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23240.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3293Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21190.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3221Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21170.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 12Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3292Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23260.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 13Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3399Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22840.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 14Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3360Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22860.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 15Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3312Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22590.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 16Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3301Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21940.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 17Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3279Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22660.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 18Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3327Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22740.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 19Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3319Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23200.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 20Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3328Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22440.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 21Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3373Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21670.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 22Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3378Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22340.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 23Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3395Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22630.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 24Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3328Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22220.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 25Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3348Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22230.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 26Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3322Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21840.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 27Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3241Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21490.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 28Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3286Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22260.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 29Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3337Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20410.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 30Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3341Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20120.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 31Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3303Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21060.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 32Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3375Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21080.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 33Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3391Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22450.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 34Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3314Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21250.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 35Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3309Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20500.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 36Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3332Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20280.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 37Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3258Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21470.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 38Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 1886Unikal süzlärneñ gomumi sanı 12020.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.