Latin

Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 15

Süzlärneñ gomumi sanı 3312
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2259
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
ишҟа исымаз абзиабара. Аха уи иахылҵраны иҟан иаҳагьы
иӷәӷәаз, иаҳагьы зынҵра духаз даҽа бзиабарак. Убри еснагь
исыцу аҩбатәи абзиабарагьы анацла, исҳәеит сара схазы:
алитература доуҳатә ныхабаазар, аԥсуа литература ашәаҿы
ианызааит: ари аныхабаа иргылеит, иԥшьеит, аԥсуа жәлар
аҿахәҳәага рызҭаз Дырмит Гәлиа ҳәа.
1970

АДУНЕИ ЗТӘУ
Лхы-лгәы ақәбзиан анду Ҭакәына, ақалақь ахь данаауаз. Жәытәи-ҿатәи еиҿырԥшуа, лыԥсҭазаара даназхәыцлак:
«Сызҭахым сыҵашьыцыртә сыҟоуп, аҩсҭаа илымҳа џьгәоуп»,
— лҳәон лгәанала. Лыбжьы ҭыганы илҳәар, аӡәы иаҳар ҳәа
дшәон. Лара зегь реиҳа дацәшәон, зегьы реиҳа илцәымӷын
ашьыцра бааԥс. Лхәыҷра иҭылгаз абри аҟазшьа лажәра
инҭалгалеит. Лажәра ҳҳәаргьы, Ҭакәына макьана дажәны
лхы лыԥхьаӡомызт. Дҭакәажәума зура-зҳәара ԥкым, мышкы
шьыбжьаанӡа дычмазаҩны аиарҭа зхы ықәзымҵац. Зҭәымта
иҭагылоу аԥҳәысгьы илцәыхьанҭахарын, уаҵәы иаашар,
ашықәс ҿыц ианыҳәаны иахьеиԥш, ақалақь ахь дандәықәлоз,

смаҭа инаисыркып ҳәа ахаа-мыхаақәа ҭаҵаны ишьҭылхыз
ашәыра, лара лҳәашьа арҭмаҟ «цәаҭачы».
— — Ԥошьҭа, нан, ԥошьҭа, — лҳәеит анду Ҭакәына, дзықәтәаз
автобус ақалақь иалаланы акыр ианыҩаскьа.
— — Иҟоузеи ди, аԥошьҭаҿ бақәҵуама? — иҳәеит ашофер.
— — Унан, нан, ухаҵкы сцааит. Ҽаанбзиала анцәа унаи­
шьҭааит! Абраҟа исзаанкыл, — лҳәеит. Бабаҟаз, ақалақь ахь
баазцазеи ҳәа длазҵаазшәа, усгьы нацылҵеит: — Ишубо,
уажәы ақалақь ахь ацара-аара мариахеит. Смаҭа, сыҷкәын,
сҭаца, зхаҵкы сцаша, инарыд-сныҳәалап сҳәан...
— — Иаҭахӡам, ди, аԥара ибшәо... Бца, бмаҭацәа саргьы
сыхьӡала ирыдныҳәала, — иҳәеит ашофер.
— — Ҳоҳ, уаҩы қьиакгьы уакәзаап, нанхеит. Уаангылишь, —
лҳәан лшәыра «цәаҭачы» иааҭылган, џьынџьыхәак неилыркит.
— Бҭыҵ, аҭакәажә, иҟалозар амҩа ҳаҭ, — иҳәан хаҵа
шәпажәпак, длывыҩрны автобус дынҭыҵит. «Шәынтә ашықәс
ҿыц даԥыларгьы, уаҳа деиӷьхом ари», — лҳәеит уи изыҳәан
Ҭакәына.
Аулицақәа ахьааихалоз, аҩнеихагыла ду акәакь аҽа­
дырҟәыҟәыла, игылан лыҷкәын Махаз аус ахьиуаз адәқьан
хәыҷы.
Ааигәара даннеи, сара сызусҭоу жәдыруоу, сара абни
адәқьан зтәу иан соуп ҳәа лҳәарц лҭахызшәа, лкасы еицарса днаханы, лхы-лҿы цқьа иаахылтын, лхы ҩышьҭых, лшьаҿа
иацҵаны лҿыналхеит. Леидарагьы еиҳа иласхазшәа лбеит.
— — Аӡы сыржәишь, — лҳәеит лыбжьы аарҩашьаны, цқьагьы
уахь дымԥшыкәа.
— — Асироп асҭарыма? — иҳәеит азнык азыҳәан дизым­
дырыкәа Махаз.
— Ди боума?! Бабаҟаз, ди, бабаҳазаанагеи?
— — Сызкәыхшаша, смаҭа Асҭамыр аҩны дыҟоума? Сҭаца
дышԥаҟоу?
— — Зегьы бзиахәха иҟоуп. Ахәыҷгьы ашкол ахьтә даахьеит.
Бца аҩныҟа. Ҳаи, дихеит, исхашҭыз, шаҟа ианаамҭаз баазеи.
Аконтора-ҟынӡа неитәыс исымоуп. Снабжьҟьаны саауеит,
нас аҩныҟа; сара бызгоит. Бара баасзыҵагыл адәқьан. Аа,
абранӡа асироп нҭаҭәаны, иаанхо аӡы нахабҭәоит. Ҟәрышьк

аарымбхуеит. Уаҳа акгьы. Акамфеҭ, ашакалад, акаҳуа уҳәа,
зегьы рыхәқәа yaҟa ирнуп, — ижәҩахыр иҭарԥаз ахалаҭ
шкәакәа иан лыжәҩа инҭаирԥан, ашырҳәа дындәылҟьаны
дцеит Махаз.
— — Уаанӡа исырҳауа аԥара сара истәуп, — инаишьҭалҳәеит
Ҭакәына.
Ақыҭаҿы лара лықәлацәа аӡәырҩгьы раасҭа, лара иаҳа
аԥхьара, аҩра лдыруан Ҭакәына. Асовет мчы анааи, хаҵа ицаша ҭыԥҳахахьан. Аликбез ҵара дҭалеит. Лықәра думызҭгьы,
иҟаларын дҵарауаҩхаргьы, аха иаарласны хаҵа дцеит.
Аҩнусқәа, аколнхара, еиҭах дхынҳәны, аҩнусқәа... Хшара лоуит, ирызҳаит, лыԥҳа хаҵа дцеит, лыҷкәын ақалақь ахь нхара диасит. Аибашьраан лхаҵа дҭамхазҭгьы, иҟаларын, ларгьы
ақалақь ахь нхара диасыр, аха убри данҭаха, иԥсы аҳаҭыраз мацара, ихәшҭаара лмырцәеит Ҭакәына. Дрыжәлантәымзаргьы,
дтәымуаҩымызт, лымаҳә аҩныҟа даалгеит.
Ҩбаҟа ҵәыца аӡы лҭиин, инарҳәы-аарҳәуа, илымбаӡацыз
ԥарак акәызшәа дахәаԥшуан, ҩ-ҟәрышьк ицо аԥаpa
ҿырп илырҭаз. Убри аҽны ада фатәы-жәтәык ҭины аԥара
аҭнылымхыцызт Ҭакәына. «Иаасырҳауа аԥара Махаз имҭакәа,
убарҭ рыхә смаҭа акамфеҭ изаасхәап», — лҳәон лгәанала.
Убри аамҭазы, аулица анымҩахыҵ лылаԥш наиқәшәеит
рҳаблаҿ инхоз Бадра. Ааҵәа цәышҳабик икын. Ицнапык
ишьҭнахыртә, фатәызу, шәҵатәызу акы ҭан ааҵәа. «Симбондаз, анаџьалбеит, — лгәы нҭыԥсаа ицеит Ҭакәына, — аҳаблауаа
ишраҳауаз сылахь аԥхӡы алиххьеит зны. Сыҷкәын иӡбахә
ианалацәажәа, ақалақь аҟны днымхакәа, сара мыжда, адунеи
ҳазхижәап, изакәыхзеи, аӡы иҭиуеит. Зхы пату ақәызҵо ахаҵа
аӡы иҭиуама?!» — иҳәеит.
Бадра икәмызцәа хылԥа ихаршьшьы, шәарахк ылаиԥ­
шыхәызшәа, иблақәа кылырҟаца, дцәыҵыԥшны дыԥшуан.
Сыламыс мыӡит, аха иаҳагьы ицқьахеит, иаҳагьы иӷәӷәахеит
ҳәа иалҳәарц лҭахызшәа, Бадра длымбаӡошәа ҟаҵаны, аӡы
сызҭаҭәа ҳәа лазҳәоз атта-ттаҳәа аҵәцақәа рызҭалҭәон
Ҭакәына. Лыбжьы ныҵакны, аԥара аҭахӡам ҳәа наралҳәон.
«Изакәыхзеи мааҭк ахә акәхап абарҭ зегьы иржәуа. Сара
ирхысшәаап».

Ибла иабоз агәра имгозар акәхарын, лыбжьы иаҳарц,
иҵегьы дааскьан, адәқьан хәыҷы аганахь иҽыԥхьак даагылеит Бадра.
— —Иаҭахым, нанду дукәыхшоуп, сара амалаҳәа ишәсыр­
жәуеит аӡы. Ашықәс ҿыц аҳаҭыр азы, — ҳәа наиалҳәеит аԥара
ҿырпқәа нықәзыԥсаз ахәыҷы.
— Шәеиха арахь! Иахьа аӡы рҭиуеит амалаҳәа! —иҳәеит
ахәыҷы иҩызцәа ихы рықәк, ибжьы ҩыҭцаны.
«Убас, убас, нанду дукәхшахааит, убжьы рдуны иҳәа убас.
Бадра игәы ԥнажәап! Исҭиуазеи умбои, — уажәы лгәанала
Бадра диацәажәон, — акамфеҭ, ашьақар, ашакалад сҭиуеит.
Аӡу? Аӡы зҭиуа ҳреиуам ҳара. Иҿажәкуа ҵәыцак наиҳаркуеит
хәыда-ԥсада...» — лнапқәа аттаҳәа еиҭныԥсахло аҵәцақәа
рҭаҭәара даҿын.
— Ара уааи, Асҭамыр, уаб иҭыԥан волшебнаиа бабушкак
дыҵагылоуп, камфеҭкгьы нацылҵоит, аҵәыцакгьы ааулыркуеит,
— иҳәан ҿиҭит хәыҷык. Лмаҭа ихьӡ анлаҳа, цәгьарак шылуаз
дақәикызшәа, лгәы нҭыԥсааит Ҭакәына. Нас днеиԥхьхәыцаан,
иаҳагьы деигәырӷьеит, иҩызцәа дрыцны абраҟа дахьылбаз.
Иҩызцәагьы ирдыруазааит ианду дызусҭоу. Асҭамыр, иаб
иҭыԥан, ианду адәқьан дшыҵагылаз аниба, даараӡа иџьеишьеит.
— —Иҟалозар, акы сбазҵаашан, анду қьиа? — иҳәан, ҿааиҭит
уаанӡа игәалымҭаӡоз хаҵак. Иланарԥшыга саркьақәа
ирыдԥхалан, Ҭакәына лыблақәа инархыҷҷалеит, амра ашәахәа.
Ахаҵа ибжьи, лнапы иахьыкәкәоз аӡы аҵкыс ихьшәашәаха
иналылсит.
— —Аа, нан, иуҭахузеи? Уааскьа арахь, ижә, аӡба уакызар,
уаргьы ижә ҳара аӡы ҳҭиӡом, — лҳәеит.
— —Дарбан, ҳара ҳәа бызҿу? — иҽирцәгьеит ахаҵа; Ҭакәына
лгәаҵа нҭыԥсааит, убасҟак ихьшәашәан ахаҵа ибжьы. —
Дабаҟоу ари алавка иҵагылоу Махаз Маҵәба? Изакәызеи,
apaҟa хатәы хәаахәҭырҭахама? Акы, бара араҟа аус буам,
(ҩбагьы, аҳәынҭқарра рмал, акамфеҭқәа, ашакаладқәа шаны,
хәыда-ԥсада ахәыҷқәа рыҭара баҿуп, ус иҟалома иара?!
— —Аа, уиоума узҿу, угәы иалоу? Сара истәуп ахәыҷқәа
ирысҭо! Иабыкәу аҳәынҭқарра иахьыртәу аџьынџьыхәа,
араса, аҵәарҩа... Исаҳәишь? — лышьҭахьҟа игылаз ашәыра

«цәаҭачы» лнапы нҭылшьын, аџьынџьыхәақәа, уаԥсҵәыла
араса, аҵәарҩақәа ахәыҷқәа рыҭара далагеит Ҭакәына. Бла­
ҵыхәала Бадра дахьгылазгьы даанаԥшит. Аревизор иаҵкысгьы
дзыцәшәоз убри ибз акәын.
— —Адәқьан асыркыроуп, — иҳәеит аревизор.
— —Арахь уҩнал, акы унацҳа, нан, — лҳәан, адәқьан хәыҷы
лнапы нҭырҳәҳәаны, аревизор изқәа аалшьшьит Ҭакәына.
Сасык мҩасҩык лыҩны данымҩахыҵлак илҳәалоз, дзышьцылахьаз патуқәҵарак еиԥшуп ишылҳәаз, аха аревизор уи
иаҳагьы даргәааит.
Иумбаӡои аревизоргьы саргьы ҳшеимабзиоу, ахәыҷқәа
реиԥшоуп уигьы сышиеигәырӷьо — ҳәа блала иалҳәарц, Бадра дахьгылаз деиҭанаԥшит Ҭакәына. Уи дыҟамызт. Ақыҭахь
дызгоз автобус ааиу, мамзаргьы исҳәо егьыҟам араҟа иҳәоу,
адәқьан даԥырҵны дцахьан.
— —Сара амла сакуа сгәараӡам. Иаркы абыржәыҵәҟьа алавка. Хатәы хәаахәҭрахеит араҟа, —иуамызт абласаркьа.
— Шәысҭ, нанраа, аџьанџьыхәақәа, араса, акамфеҭқәа.
Ҽаанбзиала анцәа шәнаишьҭааит. Ишәымбои, нан, адунеиаҿ
қьиароуп иҟоу, зегьы ириааиит ақьиара,дарԥхашьеит шәымбои.
Усҭ, аа, нан, аҩны уахьнеиуа, шәанду ишәзаалҭиит ҳәа абарҭ
аџьынџьыхәақәа ухәыҷқәа ирыҭ, — лҳәан, џьынџьыхәақәак
неидкыланы абласаркьа инеилыркит Ҭакәына.
— —Сара схәыҷқәа анду дрымаӡам, — иҳәеит уи.
— —Аҵаа-бабаду ԥаҵашла ишәзааиҭиит ҳәа рашәҳәа, —
иҳәеит Ҭакәына лмаҭа Асҭамыр.
— Умбои, абри ахәыҷгьы уара уеиҳа дҟәышуп, — лҳәеит
Ҭакәына.
— —Иҟалазеи apaka? — аԥхӡы илхәаҭа, дласны даакылсит
Махаз.
— Нанду аҳамҭақәа ҳалҭон, абри ахаҵа иуам, — иҳәеит
ахәыҷы.
— Нанду лакәым аха, Аҵаа-бабаду ԥаҵашла лоуп ари, —
иҳәеит даҿа хәыҷык.
— —Она волшебнаиа, — иҳәеит ахҩыктәи.
— Шәара ишышәҭаху шәеилга. Шаҟа мааҭ рыхә ахәыҷқәа
ирысҭаз уԥхьаӡар, уаха уаннеилак аҩны иусҭоит, — лҳәеит

Ҭакәына. Иҭаҵәахыз лшәыра ыркәаталеиуа илкын. Иааира
ҿыцк, иааира дук ганы адунеи зегьы лара илтәны Ашықәс ҿыц
иаԥылоз ауаҩы иныҟәашьа лыманы, ахәыҷқәа лыцрыԥсса
днеиуан Ҭакәына.
Илышьклаԥшны иԥышәырччо игылан лыҷкәыни, зыбла
асаркьақәа амзхыз ахаҵеи.
1977

АӠЫН ҴЫҴЫНДРА
Аҽны аусура ацара иқәмызт. Мҽышан.
Адиуан дықәианы, ателербара дахәаԥшуан Арзамеҭ, мамзаргьы, нџьнырс аус ахьиуа, аҩнусбарҭаҿы ишиԥхьо ала
иаҳҳәозар, Арзамеҭ Ҭемраз-иԥа.
Ашәҟәқәеи ажурналқәеи рыԥхьара аҵкыс ателербара ахәаԥшра иаҳа еиӷьишьон. Инаҿоуҵоит. Иааурхиоит.
Уҽааиҵыхны, итатаӡа адиуан уқәиаз. Иануҭаху уахәаԥшла,
иануҭаху уцәала. Адунеи аҿы иааҟало зегьы иара ахала иагьунарбоит, иагьуанаҳәоит. Бзиа ибатәу, иуцәы-мыӷхаша...
Хәыцра аҭахым. Имазеины ухшыҩ инҭанаҵоит.
Рыбжьқәа ааҩуан, ашҭаҿы аџьџьа рыхга, ирацәаны еихә­
маруаз ахәыҷқәа. Арзамеҭ итәқәагьы рылан урҭ.
Ачуанқәа, ачанахқәа рышьҭыбжьқәа нагалон иԥҳәыс
дахьыҩназ ахәыҟаҵарҭа уадаҿынтә.
Иҟьашҟьашар ҳәа ишәозшәа, ашьшьыҳәа, имыццакӡо,
изхагьежьыц алыра иахагьежьаауа, адунеи ршазар аахыс
изқәыц амҩа иқәын адгьыл кәымпыл.
«Асовет мчы амаҵ азызуеит» ҳәа дырраҭарак цон ателербара аҟны. Аруаа, аӡыҭҟәақәа, ахәаџақәа...
«Анцәа имчала, аусураҿы сусқәа зегь рыла иманшәалоуп.
Шықәсык уажәаԥхьа, еилибамкаарак иахҟьаны, ҳаашьа­
қәҟьашәа ҳҟалан, ишудыруа, хынҭаҩынҭарақәак ҳрықәшәеит,
Александр, аха... Ҳаит, афы исааит, атанк даҵаҳауеит,
иҟаиҵозеи, гәаҟрас имоузеи, ианҭынчроу аамҭазы,» — ателербарагьы дахәаԥшуан, игәгьы дынҭацәажәон Арзамеҭ. Алек-

сандр ҳәа дызҿыз, шықәсык уажәаԥхьа, аргыларатә усбарҭаҿы
аус аниуаз, еиҳабыс имаз Александр Виктор-иԥа иакәын.
«Александр рыцҳа, Александр! Аԥсыӡ шьқьыруа аӡышьшьы
ишҭоу, аҵықьҳәа унавахысыр, ахы ҭҟьаны, иҟанаҵо азымдыруа, иавахысыз иужәлоит. Убри аԥсыӡ даҩызахеит. Аревизиа
ҳзыҟазҵоз дрыжәлеит. Дадызцалаз, иҽзырҿаижьуаз! Ианувахыс, аӡы ахьцо уацца. Џьара укылнагоит. Александр рыцҳа,
Алеқсандр! Усбарҭа дуӡӡак иахагылаз ауаҩы, унапаҵаҟа иҟаз
уусуцәа реиԥш, уажәы акьыр умпыҵатата, аусура уаҿуп!» Зны
џьоукы иреиҳәозшәа, ҽазынгьы, илабжьатәуп ҳәа ииԥхьаӡаз,
ԥасатәи иеиҳабы днаиацәажәо, игәы дынҭахәыцуа, адиуан
дшықәиаз:
— Арзик! Узҿузеи уаҟа? — лҳәан, ихааӡа, ахәыҟаҵарҭа
уадаҿынтә лыбжьы аагоит иԥҳәыс. Ихьӡ аарԥшқашәа илҳәа­
лон, еиҳарак акы анылҭаху. Иара, аԥсуа хаҵа Арзамеҭ, иԥҳәыс
лыхьӡ машәырнгьы иҿыҵаиршәомызт. Ирӡтәымыз ҵас бзианы иԥхьаӡон уи.
Лыбжьы имаҳазшәа ҟаиҵеит. Дицәымӷны акәмызт. Иԥҳәыс
бзиа дибозу, димбозу, иаахҵәаны аҳәара ицәыуадаҩын, избанзар, дазым-хәыцыцызт. Длышьцылахьан, уаҳа акгьы.
Длышьцылахьан, дышрышьцылахьаз еиԥш, иаҳҳәап, дзыҩназ
ауада, дзықәтәаз ихатәы машьына, есҽны ишәиҵоз амаҭәа.
— Арзик! Дызусҭадашь узызхәыцуа? Дааилыскаар,
лхы ркәыкәны, ахлымӡаах дақәсыршәоит! — амҳаҵәқәеи
ачқьыԥқәеи рышьҭыбжь иналаӡҩон иԥҳәыс лыбжьы.
Хаҵеи ԥҳәыси алаф анеибырхәоз, рлаф еснагь изхагьежьаауаз цәажәара заҵәык акәын. Аусураҿы ԥҳәыск
дхылымхроуп иара. Лара, аҩны дахьтәоу, лгәы ҿыӷьны,
мҩасҩык дымҩахылымгароуп. Ихаҭа бзиа дибозу димбозу дшазымхәыцыцыз еиԥш, иара ишҟа лара лыбзиабарагьы
ахьынӡаӷәӷәоу, ма иахьынӡакәадоу еилкааны имамызт. Амала, Арзамеҭ дымҩашьахуа идыруан акы. Ԥыҭраамҭак длымбар, дыгәхьаалгон. Шықәсык уажәаԥхьа, ахынҭаҩынҭарақәа
данрықәшәа, дахьышьацәхныслази аринахыс ишьапы ахьиргылашеи цқьа дрызхәыцырц, иани иаби рыбла аҭаԥшрала
игәгьы ааиҟажарц, инықәыршәны дахьиз, дахьааӡаз
ақыҭахь дцеит. Мызкы егьаагымхо дыҟан убра. Даныхынҳә

дшиԥылақәаз, ауха ианышьҭала илҳәақәоз, лылабжышқәа
шаауаз уҳәа зегьы неициҵан, агәра игеит, иԥҳәыс, ииа­
шаҵәҟьаны, длымбар шылзымычҳауа. Игәалашәоит, убри
анидыр, знаршә хиахаз ашәарыцаҩ иеиԥш, ихы-игәы
дақәгәырӷьо дааҟалеит.
Убасҟан, иани иаби рҟны даныҟаз, урҭ дзыхшаз ирҳәа­
қәазгьы игәалашәеит уажәы. «Умаҵура уамырхрада, уаҳа
хьымӡӷ анцәа иуимыргааит, дад!» — иҳәеит иаб Ҭемраз.
Зажәа маҷыз, зус еиҳаз, зцәаныррақәа раарԥшра зцәымӷыз
нхаҩ нагак иакәын. Убриала иааҿахиҵәеит. Сгәы иалсит
ҳәа ажәакгьы иҿыҵеимыршәит. Иаб иажәақәа агәыҩбара
издырҵысит Арзамеҭ. Игәы иалсу, мамзаргьы иуқәнагоны иухьит иҳәоу, иҳәашьала изеилымкааит. «Сан илҳәазгьы даараӡа
угәы шьҭнахыртә иҟамызт. Ишԥалҳәеи, мшәан? Угәы узырхьша уақәшәеит, нан, аха уахьамырхыз уаби сареи иаҳагьы
иаҳзеиӷьхеит. Ҳгәазхара уаабеит, уан дукәыхшоуп лҳәеит.»
Арҭ агәалашәарақәа иахьакәым дыргозшәа аниба иҽаа­
никылан, ихы-ихшыҩ, назишьҭит ателербара. Аруаа... Аԥс­
шьара... Ашәаҳәара... Акәашара.
Изиҭахузеи илҵшәадоу, игәыԥжәагоу агәалашәарақәа.
Изиҭахузеи, иаҳҳәап, ахьча, ҵыԥх аӡынразы, ақәыџьмақәа
ицәырфаз ашьтәа игәаларшәара. Убри ашьтәа убасҟан
ақәыџьмақәа ирымфазҭгьы, ашьха ицаны, иԥсылаха
илбаазҭгьы, ишьны, еиҿыҟьҟьа, иҵааны икнаҳаз-ҭгьы...
Иунаҭозеи асеиԥш иҟоу ахәыцра? «Уахьамырхыз иаҳагьы
иаҳзеиӷьхеит, нан, уаби сареи. Ҳгәазхара уаабеит лҳәама,
уара? Сгәаар сзымгәаауа, изакә ажәоузеи исалҳәаз сан?»
— — Уԥсы ҭоу, уара?! — лҳәан, ашә даалагылеит Арзамеҭ
иԥҳәыс. Акакан лхуазаарын, акаҷбеи зыхьтатаз лнапқәа
лыдкьыслар ҳәа дшәаны, ашьҭԥраара згәы иҭоу аԥсаатә
амҵәыжәҩақәа реиԥш, ирхахашәа илкын. Аԥсҭазаара бзиа
шлымоу зныԥшуаз, шықәса ҩажәижәаба дшырҭагылазгьы,
зцәа-зжьы ақәыԥшра аҟәныҳәҳәо ицоз, зыблақәа ақьиареи
агәыразреи рхыз, ааигәа ақыҭа иалҵыз, уажәы уахь дсасны
ацараҵәҟьагьы аԥсреиԥш избоз ԥҳәысын уи.
— — Изуазеи сыԥсы ҭамкәа? — иҳәеит, ибжьы цәылашьшьӡа
Арзамеҭ.

— — Ҩынтә узҿысҭхьеит... — иҵегьы иаалырхахеит лым­
ҵәыжәҩақәа.
— — Ателербара иснамырҳаит, — иҳәеит, ииҳәаз шымцу
иҳәашьалагьы иудырыртә. Арашы афҩы лаҳа-лаҳауа иԥынҵа
инҭасит, иҿыҵа аарчыхәчыхәт. Игәалаҟара ааиӷьхан, ибжьы
ртатаны: — Акыр бҭахызма? — иҳәан, дналазҵааит, дара хаҵеи
ԥҳәыси ирдыруаз ҵакык аҭаны изҵаара.
— — Арзик, улафқәа саҳауа сыҟам. Иухьша сара исыхьааит, абазар аҿынӡа унабжьыс. Умашьынала минуҭк уцаны уаауеит. Сара автобусқәа акы сақәҵуа, ҽакы сақәтәо,
амца ахьықәшәаша ҳраион ҿыц, Гәымсҭа аԥшаҳәаҿынтә
сандәықәла, сцаны саанӡа инеихашәы ихәлоит.
— — Ишиашоу абазар аҿынӡа ицо автобусгьы ыҟоуп.
— — Сааҭк ахьтә зныкоуп ианаауа. Акәты еиҵасчаԥоит ҳәа
акакан схит, арахь аахҵәак аџьыка сымаӡамзаап. Унабжьыс,
даваи, аа, — лҳәан, иара аҭак ҟаиҵаанӡа, даахынҳәны дцеит,
лара лҳәашьа, «лбахҭа хаарахь».
«Сара соума илышьҭуа абазар ахь! Уаҳа усс илымоузеи
аҩны дахьтәоу», — дхьанҭаӡа, адиуан дшықәиац дықәиан
Арзамеҭ.
— —Папа, асааҭ жәаҩа ҟалеит! — иҳәан, иԥси-иԥси еихьымӡо,
ашә даалаххит иҷкәын. Иара дитәӡамшәа, ихы хышӡа дыҟан
жәашықәса ирҭагылаз уи ахәыҷы. Ацәырԥшӡа ҭыԥқәа рнын
иӡамҩақәа.
Иуҳәаз иаанагозеи, асааҭ жәаҩа рзыҳәан иҟалараны
иҟоузеи ҳәа иазҵааха имоуцкәа:
— —Ҳара амультфильм ҳахәаԥшуеит, папа! — лҳәан,
уи дишьҭаххны дааҩнаԥалеит, иҷкәын иаҵкыс еиҵбыз,
иԥҳа хәыҷгьы. Лӡамҩа ҭахәқәа ҿыҟаԥшьааӡа, лхахәқәа
еиқәаҵәаны, лыблақәа ӷраӡа, уи иаҳа иара диеиԥшын.
Иԥҳәыс абазар ахь дцарц дзызиҳәаз дацәцаргьы, уажәшьҭа
ԥсшьамҩахә, цәамҩахә шимоуаз ибеит Арзамеҭ. Ибҭахузеи,
бсыдызцалазеи, иахьакгьы аҩны санаанха, ҭынч аԥсшьаха
зсыбымҭозеи ҳәа аӷьра, агәыбзыӷра, апатуқәҵара уҳәа, зегьы неилаӡҩаны илеиҳәарц дҩагылан, ахәыҟаҵарҭа уадахь
иҿынеихеит.
Иҽааникылеит. Ԥҟарас иҟаиҵахьаз — иахьакәзаалак, иарбан усзаалак, иахмырҟьацәакәа аҽынкылара — иааигәа-сигәа

иҟаз, аус ицызуаз, мамзаргьы ҭынха-ҭынҵыла изааигәаз ауааи
иареи реизыҟазаашьа ашҟагьы ииаигахьан Арзамеҭ. «Уԥҳәыс
ухы дықәумыртәан, аха зынӡаскгьы дуҟәумҟьацәан».
— —Бҟаза дууп, аиаша басҳәап, бҟаза дууп. Бнапы злаԥы­
бымҟозеи, абасҟак бласны аџьымшьы аныбыххуа! — иҳәеит,
лара дзызиҳәаз ихаршҭӡаны.
Ахәыҟаҵарҭа уада ашә дылагылан.
— —Баша сургәыбзыӷуеит.
— —Избан, избашоузеи?
— —Арзик, баша иумаҳазшәа ҟаҵаны, ухы ахугарц уа­
ҿуп. Уаҳа ԥсыхәа сымам. Абазар аҿынӡа унабжьысроуп.
Џьыкаҵәаҵәада крыфашьа шҳамам удыруеит. Умашьына
унақәтәан, шәитҳәа унабжьҟьа!
— —Џьыкаагара сцаӡар, ишԥаббари, аа?
— —Ус умҳәан. Адунеи еиҭымха иқәумырхан. Уахәаԥши,
аплита шаҟа фатәы хкы ақәгылоу. Абарҭ зегьы ргьама аабжьысуеит џьыкаҵәаҵәада. Унабжьҟьа, сукәыхшоуп. Уара аҩны
ушыҟоу, умашьына еихаххаа ишгылоу, сара...
— —Бара бнабжьҟьар, — еиҭа иҳәахит, ибжьы шы-ҟац,
имԥсахӡакәа. — Абазар ахь акәым, ақыҭанӡа бнабжьҟьар...
— —Ани уара ушцоз, ушаауаз уахькарахаз... — Убасҵәҟьа,
аҵәы налаҵан, инаиаҭалкит ларгьы. — Уи ҽазны ҳалацәажәап.
Аа, уажәраанӡа ушыҟаз еиԥш, уҟәымшәышәӡа уаныҟоу бзиа
узбоит...
— —Бҿы иааҭшәаз зегьы аныҟасҵо...
— —Уансыцхраауа...
— —Бара бтәы иагеит, — иҳәан, иҽааирххеит. Иоура-иҭбаара
наӡа-ааӡан. Ихы-иҿы ааизыхәхәан. Аԥаҵақәа иҿан. Уажәыуажә, иԥаҵақәа жәпаӡа изқәиааз, илаԥықәшәа дааҩахан,
иԥаҵа џьаџьақәа иԥынҵа инаҵаикша-ааҵаикшон. Убас аны­
ҟаи­ҵоз, жәлары рзыҳәан аумаӡа зҵазкуа уск иӡбуазшәа игәы
инаҭон. Хыла-хшыҩла аҵкыс напышьашәала аусура иаҳа ирнаалон имахшьаха, иоузышьҭуадаз акәымзар. — Иахьа аҩны
сышдәылымҵуа ҳәа сықәны сыҟан. Иамуит. Аӡәыр игәҭыха
наӡахьоума ари адунеи аҿы. Иамуит, исзамуит, сцагәышьап.
— —Цқьа унарыхәаԥшыр, иудыруеит ақыҭа ҳәсақәа. Убарҭ
ирымхәҳа. Унафҩы, агьамагьы гәаҭ.

— —Акәац жәны изгар, уаҟа инахьшьны исфар еиӷьзар?
— —Ахәмаррадагьы,
уеизгьы-уеизгьы ақыҭа ҳәсақәа

ирымхәҳа. Иаҳа еиӷьны иҟарҵоит. Аххылақәа рацәаны
иарҭоит, аҳаҟьа иқәҵаны ирхуеит...
— —Ахәсхәа, аҵыбра, араҳана, аҟәалмиҭ... Ҩажәа хкы...
— —Ишудыруа изысурҳәозеи, — днаидыххылан, иӡамҩа
днагәӡит. Ихааӡа афатә фҩы неиҿаҳаит Арзамеҭ. Аҩы ҭтага
акәапеи аҩы фҩы шахышәшәо еиԥш, иԥҳәыс лымаҭәақәа
афатә фҩы рылсны акәын ишыҟаз.
— —Лхаҵа дырқәасқәасуа абазарахь длышьҭуеит! —
изымдырӡо џьара аӡәы иҳәашьа ҟаҵо, дааԥышәырччашәа иуит
Арзамеҭ. Бара бабаҟаз, бызҿыз, уаҳа усс ибымаз, аџьыкаҵәҟьа
бзаамхәо, ма бхала ибзымхуа ҳәа аанагон иччаԥшь. Игәы
иҭашәаз злалеиҳәаша ажәақәакгьы иқьышә инықәххит, аха
иҽааникылеит.
Афатәқәа рыфҩы еилаӡҩо, иҳанто иҩнан ахәыҟаҵарҭа
уада. Акәты жәуан, аџьымшьы џьуан, ахьурӡы жәпаӡа ишуан.
— Аџьыкаҵәҟьа ааҳхәарц абазар ахь ҳабацари, иаҳҳәар
ҳҿы ԥыбжәоит акәымзар... Абасҟак ақыҭа ҳшалахәу, бара
аҩны быштәоу... — иажәа наимыгӡеит. Наҟ, инарҵауланы
дагәылалар, ихаҭа ихарақәазгьы идыруан. Иара ихароу лара
ишлықәижьуаз лдыруан иԥҳәысгьы. Аҵыхәтәантәи иажәақәа
лмаҳаӡазшәа ҟалҵеит. Ланхәеи лареи ргәеицәыхьшәашәара
еиҳараӡак изыхҟьаз, иара лабахылагьы ақыҭахь, иани иаби
рбара дахьузымышьҭуаз акәын. Лара аҩны, ахәыҷқәа...
Деилахацәгьан. Ахырқьиага лыман. «Санхәа лхала еилылкаар еилылкааит, илзеилымкаауазар, ишԥазугәышьари!
Рыҷкәын лассы-лассы дцаны иахьимбо сара соума изхароу!»
— зны ланхәа лзыҳәан, ҽазны лхазы, ламыс рқьиагас лгәы
дааҭацәажәеит Арзамеҭ иԥҳәыс.
Аус ааирун, агараж инҭигеит имашьына. Аҽықәтәаҩ бзиа,
дҽыжәлаанӡа иҽы амгәырхақәа шгәеиҭо еиԥш, Арзамеҭ бзиа
ибон, дагьашьцылахьан, имашьына агараж ишааҭигалак,
днакәша-аакәшо акраамҭа ахәаԥшра, иара аӷәра иаҳәо,
иқәарқәашьеиуа иангылоу. «Имодоуп, уажәы имодоуп иҩеижьу аԥштәы. Ирҳәоит ари аҩыза азыҳәан рыхқәа
ҭеибаҽҽуеит ҳәа Париж. Парижаа ҳазлареицәоузеи ҳара!»

Аԥхьатәи аԥшаанкылага саркьа ааирыцқьеит цахажәла.
«Ишԥааури, Александр, адәы ҳзықәу иаҳфарцоуп, иаажәыр­
цоуп. Ҳара қьафла ҳаҟазарц азыҳәаноуп ҳабдуцәа
ареволиуциаҿ ашьа зкарҭәоз, ҳабацәа ракәзар, аибашьраҿы
рыԥсҭазаара изамеигӡоз. Аа, сара саб Ҭемраз, дцыркьыԥуа
адәы дықәуп. Ижәтәах ылахжәаны дааит аибашьрахьтә. Уи
дзырцыркьуазеи? Уи дцыркьуеит, сара сиашаӡа, қьаф уа,
схы шьҭых адәы сықәзарц азыҳәан. Ҳара ҳзоуп, Александр,
ҳабацәа рхы-рыԥсы изамеигӡоз, ҳара ҳзоуп!» — хшыҩқәак
наирҵеит ԥасатәи иеиҳабы.
Абыржәы иеиҳәақәо убасҟан, аус анеицыруаз иеиҳәозҭгьы,
изықәшәақәаз «ахынҭаҩынҭарақәа» ирықәымшәарызшәа
ибон Арзамеҭ. Зны диацәажәон уахынла, данышьҭалалак
инаркны, ацәа имнахаанӡа, ҽазны — аусураҿы дыштәоу. Убас
иацәажәарала ҩ-уск ҟаиҵозшәа ибон. Уажәтәи иеиҳаби иареи шаҟа еилибакааны, еиқә-шәаны аус еицыруа иирдыруан, далаҽхәон, ҩбагьы, «ауаарахьы дкылигон», аамҭа ишьаҿа
ақәшәо, инхашьа-инҵышьа идыруа диааӡон, игәы ззыбылуаз, згаӡарала уажәы акьыр импыҵатата аус зуаз Александр.
Убас еиԥш Александр иацәажәара иара Арзамеҭ ихы-игәаҿы,
изгәамҭаӡакәа, уск аҟаҵара иаҿын. Ихаҭа дзеиԥшроу имбартә
иблақәа хнашон.
Машәырк ҟалоу, мамзаргьы амҩа аремонт азыруазу, амҩа
аркын. Амашьынақәа еицрыхәхәа игылан. Аидара зқәыз
машьына дук инашьҭарххны даангылеит Арзамеҭгьы. Амотор аусура иааҟәихын, игәы рҭынч, ибӷа кыдҵаны днатәеит.
Амҩа зкхаз, иаԥхьаҟа иҟалаз аилкаарагьы даламгеит. «Зегьы анцо, саргьы сцап. Улазҵааишь, Александр, уареи сареи
аус анеицаауаз ҳшеизыҟази уажәы ҳшеизыҟоуи еиԥшызар
убап сыԥҳәыси сареи. Ԥаса-ԥаса, абаҩ еимазкыз алақәа
реиԥш, ҳнеиҿаххлон. Уажәы ахәша наҳабжьнашьит ани, иаадыруа, зегьы қаибаркны ҳазмоу. Ууалафахәы ахыхь иуоуа иацлацԥхьаӡа, иаҳа-иаҳа иацлоит уԥҳәыс лыччабжьгьы. Иуалҳәашт, ҳәарада, сыԥҳәыс иуалҳәашт, ажәа дуқәа.
Схаҵа ихы ианықәс, иаҳа дҟәымшәышәхеит, иаҳа дҭышәын­
тәалеит, дҟәиҭхеит ҳәа. Уи акәӡам иҟалаз, Александр, уи
акәӡам. Ҳаныхәыҷыз, ашкол ҳанҭаз, адәыӷба злацозеи, аблеҭ

сџьыба иҭоупеи ҳәа, зҽырхханы игылаз ихҳәааны ажәабжьк
ҳамҵахьаз, иугәаламшәаӡои? Ҳа-ҳа! Укьатеиах ԥҵәап. Аблеҭ
сџьыба иҭоуп, адәыӷба злацозеи иҳәеит, ашәикка! Иҵуазеи
уи ажәабжь анаҳҵоз аахыс! Исгәалашәоит, Мац Дыгә-иԥа,
адунеи азна иқьиаз, иҟәӷаз ҳарҵаҩы, хәба сзықәиргылеит
ибзианы иахьысҵаз азыҳәан. Хәба акәым, аха единица
сзықәыргылатәын, единица! Аҳампалоуп уи иаҳәоз ахьеилыскааз. Сара сакәым, сырҵаҩы ихаҭагьы, агәра ганы сыҟоуп,
усҟангьы издыруамызт, иахьагьы изеилымкааӡац уи ажәабжь
афилософиа, аҟәыӷара ду. Изакәызеи адәыӷба? Аамҭоуп.
Иқәԥраа ицо, аанкылашьа змам аамҭа. Еилукаау? Убри — акы.
Ҩбагьы, ани, аблеҭ зџьыба иҭаз, ашәикка, ауаҩы машьца,
ихаҭыԥан унагыл уара, Александр. Иџьыба иҭаз адәыӷба блеҭ
аҭыԥан, ишԥауасҳәари, ухалагьы иудырп, уара уџьыба даҽа
блеҭ ҟаԥшьык... Ааи, ааи, убри ухы иузамырхәаз, уҵырҟа џьыба
иҭоу, хыхь уҩагара зылшо аблеҭ... Даанӡа умнеиааит, иахьагьы иӡбахә рҳәоит ҳқыҭан. Дарыҟәа ҳәа ҭауадк дыҟазаарын.
Имамкәа-ихӡымкәа, иабанырҵои, иабанырхуеи ҳәа ақыҭа
далазаарын. Бысҭа ҿахрак ахьынаимҵарҵоз, сара баша-машак сакәу џьышәымшьан, сара сшыҭауаду ала ашәҟәы сымоуп иҳәозаарын. Ихьӡ ҳқыҭа иазынхеит. Хымхәак иӡбахә
анырҳәо, дааргәалашәоит. Еилукаау исҳәақәо, Александр?
Ҳуаашьҭахақәан, дад, уареи сареи. Иҳарҳәоз аамышьҭахь,
уаҳа акгьы ҳаздырӡомызт. Уажәы снаганы сахаргылеишь,
ԥаса, уареи сареи аус анеицаауаз сызхагылаз амаҵура, исзымбозар убап. Адәыӷба иннажьыз, адәыӷба!»
Амҩа аатызар акәхарын, иаԥхьаҟа игылаз амашьынақәа
ашьшьыҳәа, еицрыхәхәа рҿынархеит. Ашьшьыҳәа имашьына
ндәықәиҵеит Арзамеҭгьы. Имашьына уақәтәаны амҩа уқәзар,
агәеизҳара уоуан, убас ихааны, иманшәаланы, аҽыбӷаҟаза
иҽы шимырныҟәара, ирҭынчны, ирныҟәон уи и-«Жигули».
Амҩа дахьықәыз иааигәалашәеит, убасҟан, шықәсык
уажәаԥхьа, иара иҳәашьа, ахынҭаҩынҭарақәа дрықәшәан,
акыҭахь, иани иаби рахь данца ишихигақәаз. Иԥсы ишьон. Ус
ргәы иаанагон инаԥшуаз. «Сынкахәыцуа, сылахь еиқәшьшьы
санылбалак сан, угәы ԥумжәан, нан. Уамырхызар уамак умыхьит. Аус умуӡаргьы, ҳара уныҟәаагартә ҳаҟоуп. Уаҟәыҵ, иа-

лухуазеи убри ақалақь! Уҭаацәа уманы, улықәҵны уаа арахь,
ҳәа сыжьжьара далагон. Схы шызбоз удыруоу убасҟан?
Схымхәаны, схы сзымыхьчо, агәылацәа хәыҷқәа санырпҟа,
аҩныҟа сааны, сан лкалҭ санҵәуалозшәа, ссабиӡаны схы збо
сҟалон, сан убас аҳәара даналагалак».
Гәаныла ԥасатәи иеиҳабы дышиацәажәоз, ахшыҩқәа
шиирҵоз, иан ҽнак иалҳәаз ааигәалашәеит. Урҭ ажәақәа
уажәадагьы игәалашәахьан. Зны ддырхәыцуан, ҽазны
ддыргәаауан. «Умаҵура уахьамырхыз, уаби сареи иаҳагьы
иаҳзеиӷьхеит, нан. Ҳгәазхара уаабеит», — лҳәеит сан. Уажәы,
аџьыкаҵәаҵәа ааихәарц абазар ахь амҩа дахьықәыз,
убарҭ иан лажәақәа еиҭах ианигәалашәа, урҭ инарыԥшьны,
Арзамеҭ игәаҵаҿы иҿыхеит даҽа гәалашәаракгьы. Игәаҵаҿы
иҿыхеит ихәыҷра ашықәсқәа. Абар, иаҳәшьеи иареи
рашҭа анҭыҵ, кәакәарҵас ихыкәымпылааӡа иҟоу ахәаҿы
иқәгылоуп. Ран абазар аҟнытә лыхынҳәра иазыԥшуп. Аибашьра анеилга раԥхьатәи ашықәсқәа рзыҳәаноуп. Ран,
ақыҭаҿ пату зқәу, аԥҳәыс дыр, усҟацәак бзиа илбомызт
абазар ахь ацара, дымцар ауамызт акәмзар. Данцоз, лара
лҳәашьа, ҳабыр-чбырқәак, ақалақь аҟны ирымам, ақыҭаҿ
имцхәу афатәқәа неидыҳәҳәаланы, илыманы дцагәышьон.
Еиҳарак дызцоз иаҳәшьеи иареи рзыҳәан акәын. Ашколаҿ
ашәҟәқәа, атетрадқәа рыгымхандаз, маҭәа-ҩыҭәала рҩызцәа
иреицәамхандаз. Иаалхәақәоз лшәыра иҭыго дышнеиуа,
аҵыхәтәан, ақьаад илаҳәаны иааҭылгон, арбаӷь сахьа аҭаны,
аҵәы иахаркьакьа аканфеҭқәа. «Уажәтәи ашакалад аҵкыс
ихаан урҭ арбаӷьқәа, Александр. Ҳан иналымпыҵԥааны,
ҳҿы инҭаҳҵон саҳәшьеи сареи. Иҳампыҵԥрааны ицар ҳәа
ҳшәозшәа, изхаркьакьаз алабыҵә ҳнапқәа аларԥс иаҳкын.
Ԥыҭраамҭак, ҳҿы иааҭыхны, иҩышьҭых, уҳаҵашьыцла ҳәа
анцәа иҳарбозшәа, амраҿ ҳахәаԥшуан. Арбаӷьқәа қаруаҵас
еилыԥхаауан. Убас мацара, ҳҿы инҭаҵаны ишааҭаҳхуа,
иаҳа-иаҳа ихәыҷхо, рлымҳақәа, риикақәа рцәыӡуа ишнеиуа, изхаркьакьоу алабыҵә ааҳампыҵахон. Аибашьра мыжда,
иаҳхыҩрны ианца ашьҭахьгьы, агәыҭҟьара, амлакра, ахьҭа,
шаҟа цәгьара ҳзыннажьзеи! Аха, зегь акоуп, Александр, иссирыз, иргәырӷьагаз аамҭан урҭ, ахәыҷра шықәсқәа. Уажәы сара

ақыҭахь сымцеижьҭеи, абар... Уаанҿас, уаанҿас.... Иҵуазеи?
Убасҟан, уареи сареи ҳанамырх ашьҭахь, схы агарҭа смоуа
санықәха, санцаз аахыс... Амҩа мыжда! Ҳаҩны амашьына
неиуа ахаангьы изыҟалом. Хԥаҟа километр шьапыла анаара
уаҿаланы уцароуп.»
Абазар ашьҭахьҟала дцеит. Днаԥшы-ааԥшуан амашьына
ахьиргы-лашазы.
Ауаа рыжәпара дагәылаланы, џьоукгьы дрыцәхасуа,
иаргьы џьоукы наицәхасуа, қәылара ицо исахьа иҭаны,
днаԥшы-ааԥшуа, арҵәы фҩы ахьынтәааҩуаз иҿынеихеит.
Акапусҭа, апырпыл, анаша уҳәа зуахкы уҭаху арҵәқәа, зхы
хырҟаз ауалырқәа ирҭаҵаны, агәаблаа дуқәа ирынҵаны
иахьықәгылаз даннеи, аҩны ирымоу ирымаму шизымдыруазгьы, арҵәқәа рыхкык-рыхкык ацеллофан макәан инҭеиҵеит.
Ус илаԥш нақәшәеит иҟаԥшьӡа, абӷьқәа ҟьаҟьаӡа, адахҭа
иқәыз хәылха дук. «Уажәааны, март мза асакьаҳәымҭазы,
иабаанагеи ахәыл? Аҳаԥшьа иҭаҵаны, иҵәахны ирыман,
хымԥада.»
Аҩны иахьнеиго, ахәыҷқәа ишырцәымӷу, иԥҳәысгьы усҟак
бзиа ишылымбо шидыруазгьы, иара изгәакьоу, абраҟа изаанмыжьуа акеиԥш иԥхьаӡаны, ахәылха ааихәан, ахәҵәқәа
ҭыҳәҳәо, ицеллофан макәан инҭеиҵеит. Дхарахаԥшуа,
гәы аҵаӡамкәа, афаха лмоуроуп ҳәа иԥҳәыс дналзаӷьуа,
аџьыкаҵәаҵәа днашьҭалеит. «Ақыҭа ҳәсақәа ирымхәҳа, урҭ
ибзианы ирхуеит аџьыка, лҳәахит. Рылахь ианума, излеиҩыздыраауазеи ақыҭа ҳәсақәеи ақалақь ҳәсақәеи? Уиаҟара
аџьыка бзиа деилаҳауазар, дцар, ланаџьалбеит, ақыҭахь,
сзыхшазгьы лымбари, шаҟа лҭаху аџьыкагьы аалымгари. Иамуит, сани лареи еизыуаамхеит».
Абар, аԥатлыкақәа ирҭаҭәаны иахьықәгылоу акәаха. Урҭ
рханы икнаҳауп апырпыл рыԥхрақәа, иҟаԥшьыуаркалеиуа.
Абар, иара дзышьҭоу, аџьыкаҵәаҵәагьы. Абанка хәыҷқәа,
абанка дуқәа... Адаԥабӷьы ахҩаны иқәгылаз банкак
ааиқәихын, днахафҩит. Аххыла фҩы усҟак ианимаҳа, наҟ
инықәиргылеит. Деимдо, иаԥхьаҟа даанаскьеит. Инаивс-ааивсуа иацәхамсларц, иӷьычызшәа, ишьҭахьҟа иавакны икын
ахәылха абӷьқәа зҭыҳәҳәоз ицеллофан макәан. Аҭираз

иқәқәаз раамышьҭахь, адахҭа иахагыланы ихәаахәҭуаз
уаҩԥсы диҿамԥшӡо дышнеиуаз:
— Унан, џьбеит, Камахеит, Арзамеҭ иакәӡами ани? — лҳәан,
лыбжьы хацаланы ҿаалҭит ԥҳәыск.
Арзамеҭ дшанхазшәа даанхеит. Агәра игарц иҭахымызт.
Убас ицәыҵаӡырҩауа ахәачара илагылоит аҳәа ауҭра ишҭоу
аԥшәма ианақәиклак, сибоу симбоушь ҳәа инкахәыцуеит.
«Слымҳа сажьазар?» Иара ихьӡгьы, иан лыхьӡгьы ахьиаҳаз адагьы, лара, изҳәаз аԥҳәыс лыбжьгьы акырынтә иаҳахьаз, иидыруаз, акырынтә изҿызҭхьаз бжьын. Дафҩырц, адаԥабӷьы ахыхны иикыз абанка, азнык азыҳәан, иӷьычуаны дақәыркызшәа,
наҟ инықәиргыларц иҭаххеит, аха ақәыргылашьагьы дақәым­
шәакәа, импыҵахашәа ишикыз, иаԥхьаҟа данынаԥш, ҳәсақәак
рнаҩыс, ахәҳахәҭырҭа дахҭа дахагылоуп иани иаби рааигәара
инхо — Гәыџьуа Бида иԥҳәыс Хьфаф. Лыҵкы аԥхьа рҟьаны,
лгәышԥы ашәхарҩа аԥштәы аҭаны иааԥшуан. Шьалкасы
цәышкгьы лызқәа иқәыршәын. Абысҭа чуан дахагылоушәа,
лмахәарқәа ҵаркәакәан. Лӡамҩақәа ҿыҟаԥшьааӡа, цәалажьыла аԥсуа ҳәсақәа даарылукаартә изцыз, зоура-зыҭбаара
наӡа-ааӡаз ԥҳәыс ҭааҭыӷьак лакәын уи. Аӡынра цқьа имцацызт, ааԥын макьана аԥшәмара амоуцызт аԥсабараҿ. Ашоура
дакуазшәа деилаҳәан Хьфаф. Ахәаахәҭра лҽазыҟаҵаҵәҟьаны,
абазар зегьы лара аԥшәыма ԥҳәысс дарҭазшәа акәын лгылашьа шыҟаз.
Убри агәыла ԥҳәыс дахьыналывԥшыз, лыбӷа маҷк иаахәаны,
лхахәы шлақәа, баҳҭ-баҳҭ изқәыԥсаз лкасы жәҩангәԥштәыла
иаҵыҳәҳәо, ԥша ӷәӷәак налысыр, даашьҭнаԥаартә, дласӡа,
лыблақәа ақьиареи агәыразреи рхыҳәҳәыла, лҽааԥхьакшәа
длывагылан Арзамеҭ иан Кама.
Иҟаиҵаша дақәымшәеит. Аԥсра иаҳа дақәгәыӷуан акәы­
мзар, иан абраҟа дхәаахәҭуа дибап ҳәа иԥхыӡгьы иалам­
шәацызт.
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 16
  • Büleklär
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3267
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2161
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3271
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2108
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3269
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2110
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3131
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2175
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3330
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2088
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3365
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2128
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3286
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2227
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3331
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2321
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3210
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2324
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3293
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2119
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3221
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2117
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3292
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2326
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3399
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2284
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3360
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2286
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3312
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2259
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3301
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2194
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3279
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2266
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3327
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2274
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 19
    Süzlärneñ gomumi sanı 3319
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2320
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 20
    Süzlärneñ gomumi sanı 3328
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2244
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 21
    Süzlärneñ gomumi sanı 3373
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2167
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 22
    Süzlärneñ gomumi sanı 3378
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2234
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 23
    Süzlärneñ gomumi sanı 3395
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2263
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 24
    Süzlärneñ gomumi sanı 3328
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2222
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 25
    Süzlärneñ gomumi sanı 3348
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2223
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 26
    Süzlärneñ gomumi sanı 3322
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2184
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 27
    Süzlärneñ gomumi sanı 3241
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2149
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 28
    Süzlärneñ gomumi sanı 3286
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2226
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 29
    Süzlärneñ gomumi sanı 3337
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2041
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 30
    Süzlärneñ gomumi sanı 3341
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2012
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 31
    Süzlärneñ gomumi sanı 3303
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2106
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 32
    Süzlärneñ gomumi sanı 3375
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2108
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 33
    Süzlärneñ gomumi sanı 3391
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2245
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 34
    Süzlärneñ gomumi sanı 3314
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2125
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 35
    Süzlärneñ gomumi sanı 3309
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2050
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 36
    Süzlärneñ gomumi sanı 3332
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2028
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 37
    Süzlärneñ gomumi sanı 3258
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2147
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 38
    Süzlärneñ gomumi sanı 1886
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1202