Latin

Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 06

Süzlärneñ gomumi sanı 3365
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2128
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
ари азҵаара анлысҭоз, иааркьаҿны Магда хәа лаҳәара саламгацызт. Лмазҵаашьа сымамызт. Беловежатәи аккара
ҳаҵаланы ҳнеиуан. Сара макьана сгәы смырҭынчцызт сы-

зааз егьалымҵит, сус башахеит ҳәа. Аха мышқәак аимдара
сааҟәыҵны, иҟасҵаша сазымхәыцыр ауамызт. Дгьыл ҿаҵак
ыҟамызт араҟа аибашьра ахьымҩаԥымсуаз ҳәа схала сахьзеимдашаз сеимдеит. Уажәшьҭа ауаа иразҵаалатәуп. Ларгьы
дызбап, сегьыналацәажәап ҳәа сыӡбеит. Сара соуп иалызхыз
ҳахьцаша аҭыԥқәа. Беловежатәи аккара азыҳәан ашәҟәқәа
срыԥхьахьан. Исхашҭыз, уахь ҳаиццарц ателефон сшылзасыз, сыхьӡ акраамҭа ишылзымҳәоз шәасымҳәаӡеит. Ҳәарада,
шәара шәзыҳәан уи акгьы аҵанакуам. Аха сара сыԥсҭазараҿ
уи аҩыза уаҳа ҟалашьа ахьамам аҟнытә, убарҭқәа, акгьы
рыҵарымкӡоны ишәыԥхьаӡогьы аҿажәкра хызҽуа ӡыхь
ҿамҩак иеиԥшны исыԥхьаӡоит, насгьы изызӡарызеи, абарҭ
сажәақәа уара, изасҳәо, ашәҟәы иануҵар, лара даԥхьоит.
Схаҭа илзысышьҭуеит. Афилологиатә факультет далган рҵаҩыс
аус луеит. Алитература бзиа илбоит. Данаԥхьалак, акгьы
аасхамышҭӡакәа ишысгәалашәо, срыхӡыӡаауа сгәырҵҟәылаҿ
иҵәахны ишсымоу лдырыр, лгәы ишахәо агәра ганы сыҟоуп.
Ма абас ала лара лгәы иахәаша џьара акы сзыҟаҵар, сара
уи лҿаԥхьа исыду ахара сшәазшәа сгәы иснарбон, сара
агәеизҳара снаҭон. Издыруада, сгәы сажьозар?
Ишысҳәаз еиԥш, аешьаратә нышәынҭраҿы данызбаз
мҽышан. Сара ашәахьаҽны уахь сеиҭацахит ԥшаара. Магда
дызхагылаз анышәынҭра снеихырхәаны снавсит. Уи аҽны
лара слызхәыцуа сыҟамызт. Агәра згар акәын, ииашаҵәҟьаны
абраҟа саб инышәынҭра шыҟам. Лгәы лнархьыргьы, аиаша лдырыр акәын сан. Брест абааш ахьчара ихы ақәиҵеит,
анышәгьы дамадоуп уи ааигәара, абааш зыхьчоз рыгәҭаны
ҳәа аибашьра еилгаанӡагьы иҳауз ашәҟәы иаҳәо иашазаргьы, иҟалоит ихьӡи ижәлеи зҳәаша ахаҳә ахадмырсызар
анышә дахьамардаз. Сан илзыскқәаша ажәақәа рызхәцра
салагахьан, аха макьанагьы агәыӷра сцәымӡыцызт сара.
Сгәы исанаҳәон уажәымзар уажәы исыԥшаауеит ҳәа. Даҽа
ԥыҭк снеимдар, снадгылоит. Уаҟа ианымкәа иҟалом ихьӡ,
ижәла. Иара ицҭахаз иҩызцәа рҟны ишану еиԥш, ианылароуп
иара иҟынгьы. Хаҳәык ҟны аԥхьара уадаҩхахьан. Ирыцқьо,
акраамҭа садтәалан. «Алеитенант еиҳабы» ҳәа санаԥхьа,
агәра згеит, наҟ ианыз ахьӡи ажәлеи иара итәы акәын ҳәа.

Саб даниз ашықәс азыҳәан акәын yaҟa анышә иамадазгьы
даниз. Уи инацнаҵеит сгәыӷра. Арыцқьара саҟәымҵит. Абар
данҭахаз ашықәс. Саб данҭахаз ашықәс ауп ари ашықәсгьы.
Уажәшьҭа харантәгьы уаԥхьартә иҟан 1920 — 1941 шш. ҳәа.
Чынла еиҟаран, ианиз, аҩыџьегьы анҭахаз ашықәсқәагьы
акакәын. Аха башан, сара саб ижәла акәмызт уаҟа ианыз. Саб
ихьӡҵәҟьа Кәынта аҭыԥан, Константин ҳәа анызар ҟалоит
ҳәа сан исалҳәазгьы сгәалашәон. Араҟа ианыз уи амԥынгьы
иҟамызт. Стәаны акраамҭа схәыцуан. Шаҟаҩы рлахьынҵа
еиԥшнатәызеи аибашьра. Рлахьынҵа еиԥшнатәит иҭахаз,
ҳлахьынҵа еиԥшнатәит ҳарҭ — урҭ ирыхшаз. Рлахьынҵа
еиԥшнатәит ҳанацәа.
Сааин, аобелиск ааигәара снагылан, акыр сцәыбжьахамашь
ҳәа, акраамҭа снаԥшы-ааԥшуан. Абыржәы акәызшәа саб
дансцәыӡыз, игәхьаагара дук сызцәырҵит. Иԥсы ҭаны дызбар
аҟара сазыԥшын уи анышә дахьамадоу абара. Ма убри заҵәык
салыхәданамтәыр иҟалоз аибашьра! Агәра лызгашам сан.
Сышԥахынҳәуеи аҩныҟа? Лгәырҩа иаҳагьы иацнаҵоит. Ихы
зқәиҵаз адгьылаҿ иара изыҳәан зқәаҭыԥкгьы ҟамлеит лҳәашт.
Ҳшеицәажәахьаз ус акәын. Сынтәа сара сааны исыԥшаап,
иахьыҟоу збап, снахылаԥш-аахылаԥшып. Ихкаатәызар, рахәык
ҭамлартә ихыскаап. Агәы ҩылганы иҟасҵап, иҭаҳаны иҟазар.
Ҽааны салгоит аинститут. Уаҳа Москваҟа ацара сықәшәаӡом.
Сан еизылго аԥарақәа абри амҩа иахҭнылҵартә дрықәиҭхоит.
Дсыманы саап, илсырбап. Ма убриакгьы далыхәдамхар
иҟалозеи, абысҟак шықәса зыԥҳәысеибара иалымҵыц? Егьи,
санду, саб иан, усгьы жәохә шықәса шәырк агьама мбаӡакәа
лынарцәмҩа днықәлеит. Аҵәа ма атама налуркыр, с-Кәынта
рыцҳа бзиа ибон, илымкаа сара ишԥасфо ҳәа, иаархынҳәны
иулҭон. Уи лықәрахь днеихьан. Лыҷкәын игәхьаагара анышә
хьшәашәа еиқәнартәеит. Егьа сгәы далсзаргьы, уажәы
усҟакҵәҟьа нанду слызхәыцуам. Сан лоуп исзышьҭымкаауа.
Сгәанала, уи маӡала даҽакгьы дазхәыцуеит, мамзаргьы сара
исҭахуп дазхәыцуазарц. Сара азаҵәра закәу еилыскаартә
аҟара сҩеидасхьан усҟан. Схаҭа исзеилымкааргьы, агәыла
ҳәсақәа иахьларҳәозгьы саҳауан. Лафқәак шынарҳәа-аархәо
иналадыршәуан. Ишԥабури, Мактина, гәыӷра бымаӡамкәа,

шаҟа шықәса ҵуазеи быԥшуижьҭеи. Быҷкәын дҩеидасыр,
ԥҳәыс дааигап, хазы дцап. Иаахтны иларҳәомызт, аха
урҭ ражәақәа иаанагоз, бара бхала, аӡәгьы биҭахӡамкәа,
адәы бықәхоит, уи аҵкыс еиӷьуп, ахацәа быргәаԥхартә
бахьынӡаҟоу хаҵа бца ҳәа акәын. Иҵегь иаҳа санқәыԥшыз,
усеиԥш лафнгьы илазҳәоз срызгәаауан. Усҟан сара еснагь
сан лааигәара сҟалоз џьысшьон. Аҵарахьы санца, агәра згеит,
ииашаҵәҟьаны сан лымацара дшаанхоз. Џьара лхы лырхарц
лгәы иҭазар, баша амала дацәшәоит сгәы снархьыр ҳәа. Аӡәы
диццар, игәнызгалашт акраамҭа, аха уажәнатәгьы издыруеит,
знык сананышәалак, иаҳагьы сшеигәрӷьо. Сзеигәырӷьаҵәҟьоз,
ларгьы, саргьы, зегьы ҳзыҳәан анасыԥ наӡаҵәҟьа зыхьӡу,
шәаргьы ижәдыруеит, аха уи, анасыԥ ду, агәаҵәахы иҭашәеит,
ҽнак ашарԥаз Брест абааш иақәкны иааҭҟьаз ахы. Убарҭ,
уажәы шәнеиргьы иҭыжәжәа-ҭыжәжәаны ижәбо Брест абааш
аҭӡамцқәа реиԥшҵәҟьоуп ишахәыз саб ихәшҭаарагьы. Ҵаны,
ҳгәыла ҳәсақәак урзыӡырҩыр, ибаргәузеи Кәынта Аҭанба,
ихәшҭаара хәжжаӡа еиқәуп, абар даҽа шықәсқәак роуп, нас
иҷкәын аҵара далганы, ақыҭаҿ дааины аусура дналагоит, иаб
иашҭахь имҩахыҵуагьы, бзиала шәаабеит ҳәа днарԥылалап.
Нас ани аԥсы ихьӡума? Аԥсы зыхьӡу уаҩ дрыҭнымхакәа аибашьра иҭахақәаз роуп рҳәоит.
Иналыхәаԥшлакгьы лықәра иагырханоуп ишлиҭо сан.
Шықәса ҩынҩажәа лхыҵхьеит ҳәа аӡәгьы илзимҳәацт макьана. Аҳәса рықәра иагдырхоит, лара илхыҵуа аиашаҵәҟьа
иаразнак илҳәоит. Издыруада, егьырҭ аҳәсақәа ззымхәцыц
гызмалрак аҵазаргьы ус ахьылҳәо. «Сара сқәыԥшӡоушәа
жәбоит. Ахаан имажәуа среиуагәышьан, гәыҵхак сыкны самоуп акәымзар. Хаҵа сцаны сҟалозар, лыҷкәын лара
лаҵкыс деиҳаны, аҭакәажә дигеит ҳәа изышәҳәашт сзыццо.
Сыҷкәын сара дсаҟара акәым, ишәмуӡозар, дегьынасеиҳауп,
аха сара сықәра акәымкәа, схаҭа сзеиԥшроу шәахәаԥш,
схаҭа. Ақәра ҳәа шәызҿу. зқьышықәса ахыҵуеит аӡыхь, аха
иацы аҵыҵра иалагазшәоуп аблақәа ҭыԥхаауа ишнеиуа».
Иҟалап, лгәанала абас лҳәозар. Илымҳәозаргьы, сара ус
лҳәозар сҭахуп. Илеиҽырбо, дызго дҟамлар ҳәа ушәауоу,
лара лақәшаҳаҭхароуп аус злоу. Ажәа лнызҵахьоу, харантәи

илыхәаԥшло хаҵакгьы, абрахь санаауаз ԥарақәак сџьыба
инҭеиҵеит. Аԥҳәысеиба лыҷкәын абас уахьыбзиахаз, аҵара ду
уахьҭоу азыҳәан ҳәоуп уи ажәақәас иациҵаз. Убри азыҳәан
мацара иҟаиҵарызушь убас? Иҟалоит уи дазыԥшызар сан
ахақәиҭра анбалоуеи ҳәа. Ҳазегьы ҳазыԥшуп ҽаантәи
аԥхынра. Ажәала еибаҳамҳәацзаргьы, ҳнеидтәаланы убас
ӡбаны ишьҭаҳамхыцзаргьы, ҳахҩыкгьы иаадыруеит убри
аԥхынра азыҳәан ҳаԥсҭазараҿ еиҭакрақәак шыҟало.
Знык аинститут салганы, сан лхы данақәиҭхалак, слыманы даауеит абрахь, абасҟак шықәса игәаларшәарала мацара адәы дыззықәыз ауаҩ инышәынҭрахь. Убасҟан уи саб
диԥырҵуеит наӡаӡа. Диԥырҵаанӡа ажәақәак наиалҳәарц
лҭахуп. «Аа, абар, дсааӡеит уҷкәын. Усаламшәҟәқәа рҟны
уааҟәымҵӡакәа гәыҵхас иумаз иара иакәын. Иара ихьӡ
ануҳәалак, сыҵәҩаншьап бмырӡын абааԥс ҳәа нацумҵар
ууӡомызт. Ухәшҭаара мырцәакәа иаазгеит иахьа уажәраанӡа.
Сцәеи сыбаҩи уҩны еиқәыхьшәашәа иҩнаӡит. Шаҟантә
сузаӷьхьоузеи, аха иухарагәышьоузеи. Уихәаԥш дшаҟароу,
агара дангараз, сыҵәҩаншьап ҳәа узхәаԥшуаз. Уара
уаҵкысгьы деиҳахеит. Амлеи ахьҭеи дрысмыркит. Иҿаҿаӡа
иџьыба иҭоуп аинститут дшалгаз ала адиплом. Уажәшьҭа ихала ихы ныҟәигартә дыҟоуп. Сымҩахь соушьҭ саргьы. Сызгоз
уаҩ дсымамкәа сынхаз џьушьозар? Уара, ҿиқәаара, уаҵкысгь
еиӷьқәаз сышьҭан иумуӡозар. Адунеи иқәу уара уреиӷьны усимырбеи сааҩсҭаахә, насгьы абри, уҵәҩаншьапгьы, саргьы ухы
ҳақәуҵеит ҳәа исыԥхьаӡеит. Иахьанӡагьы еиқәыхьшәашәа
сывараҿы игылоуп уара укаруаҭ. Иахьанӡагьы уара уда уи
аӡәы данымиалац. Абар снапқәа, убасҟак иџьаџьақәоуп
рыҵақәа, уцәа иахькьысыр ицәнаҟьап». Сара издыруеит, ансарс акәмкәа, абарҭ ажәақәа шылҳәо. Нас лнапы нықәылшьаақәылшьуеит иҳаҭгәын. Ҳаскьынқәак аазар, иныҵылхааҵылхуеит. Даӷьуашәа ацәажәара дахьынӡаҿугьы, лӡамҩаҿы
еиқәҳәаланы инеилоит лылабжышқәа. Абыржәы, сынтәа
аԥхынразы, аԥсшьара мшқәа раан аҩны санааи, сшааз иаҳан,
сбара аҩны днеит ҳгәыла ҭаҳмада Мас. Сгәыдкыло-схыдкыло,
инапы илахь иадкыланы днасыҵаԥшын, знызаҵәык абас уаб
уибазҭгьы, нас џьанаҭ гыларҭас имоуаз аниҳәа, сара иаразнак

исцәымыӷхеит. Издыруан сан лгәы ишасуаз. Лылабжышқәа
аалрыцқьан, дындәылҵны дцеит. Зынгьы убас сгәы иаанагеит,
ҳаҩнаҭаҿы саб иӡбахә маҷны ирҳәар иаҳа еиӷьын ҳәа. Сан
лшьара дықәнаҟьон еснагь. Аха лара илҭахызар акәхарын
уи ихьӡ еснагь ирҳәалар. Сасык данааилак, аҵәыцақәак анааникылалак, аб тәыҩа иалхны, ԥаҭхьк аацәырганы, иаԥхьа
инықәылҵон. Аԥшәма иныҳәаҿа абри ала иржәуеит, абри
аҩнаҭахьы гәыкала иаамҩахыҵуа зегьы лҳәоит. Иԥсы ҭоушәа,
иныҳәаҿа дмыржәкәа аӡәгьы длышьҭӡом. Урҭ, иныҳәаҿа
зклакгьы, анышә дахьамадоу ҳәа роуҳәаргьы, дара ирҳәац
рҳәоит. Иԥсы ҭаны дыҟазар, иҩнаҭа дахажәаауа анцәа
иҟаиҵааит ҳәа иаахдыркәшоит иныҳәаҿа. Исгәалашәоит, сасык зны инхиҭәалеит. Усҟан санду лыԥсы ҭан. «Сара сзыҳәан
ихҭәал, нан, сара сзыҳәан, иара иныҳәаҿа ыжә!» — лҳәеит.
Убасҟан аҟара дгәааны дсымбац, лычҳара ҳәаак амам ҳәа
ззырҳәо, аԥҳәыс ҭынч сан. Лылабжышқәа хакәкәалоит ҳәа
сшыԥшыз, лыблақәа убас мцаԥшьк ҳәа нархыҳәҳәылеит,
асас иҿаҵа иҿахьы аҩагашьа дақәымшәо даанхеит. Урҭқәа
ауиалҳәахуа уажәы инышәынҭраҿы даар, урҭқәа иара ихала
идырроуп ҳәа илыԥхьаӡоит. Сара издыруеит сабгьы насыԥ
бзиа шылзеиӷьишьо, уи инышәынҭраҿ ианеиԥырҵуа. Аха убас
диацәажәарц, наӡаӡа лгәы каршәны диԥырҵырц азыҳәан,
иԥшаатәуп зны анышә дахьамадоу аҭыԥ.
Убри аҽны, ашәахьа ахәылԥаз, раԥхьаӡа ателефон
сылзасит Магда. Исгәалашәоит, асааҭ фба ирхысхьан
асасааирҭаҿы санааиз. Издыруада, сара иахьысзымдыруа
даҽаџьарагьы иҟазар аибашьцәа анышә иахьамадоу ҳәа
схәыцуан. Даасгәалашәеит Магда. Убри илдыруеит хымԥада.
Егьиашаҵәҟьаны убри азыҳәан сылзасырц сҭахын. Аха
убри ахьысҭахыз аамышьҭахьгьы, ателефон лзасра азыҳәан,
аҽыкәаша захымԥо ҿарԥа бзиан ателефон ансылҭоз исалҳәаз
ажәақәа: «Уԥшаараҿы џьаракыр сыцхыраара уҭаххозар, усзас». Убасҟан исалҳәеит, ателефон шьҭылхуазар лан, Гелена,
сышлацәажәаша. Уи бзиа илбозаап пани Гелена ҳәа анларҳәо.
Убас ансалҳәоуп сара Магда пани Магдалина ҳәа лаҳәара
саналага. Азныказыҳәан сыхәмаршәа акәын ус шысҳәоз.
Ашьҭахь сашьцылеит.

— —Мшыбзиа, пани Гелена. Саҭамыз, пани Магдалина аҩны
дыҟоума?
— —Дыҟоуп, пан, — лҳәеит лан. Лан шлакәыз здырит уаанӡа
лыбжьы шысмаҳацызгьы. Ииашаҵәҟьаны бзиа илбозаап лыхьӡ
пани ҳәа ацҵаны ианларҳәо. Ҳаҭырқәҵара дуны слацәажәеит
ҳәа иԥхьаӡаноуп аҭак шыҟалҵаз. Сара абри сшазхәыцуаз:
— —Ҳело, — ҳәа Магда лыбжьы нҭыҩит ателефон, — Магда
лхы-лыхшыҩ зегьы шәзышьҭны дышәзыӡырҩуеит.
Аччаԥшь лқьышәқәа ирықәкны сара дсымбацызт. Дан­
цәажәозгьы, изаҟаразаалак лафк узаҵбаауамызт лцәажәара.
Убри аҟнытә, уажәы ателефонаҿ дыхәмаршәа илҳәақәаз, лаф
дук лҳәазшәа исыԥхьаӡеит. Иҟәандаӡа инасылсын, слахҿыхӡа
сааҟанаҵеит. Лафҳәарак еиԥш иԥхьаӡаны, лыхьӡ аԥхьа инасыргылеит «пани».
— —Пани Магдалина, иҟалап сышәгәаламшәозар, аха сара
уажәааигәа...
— —Ибзианы усгәалашәоит, Димитри. Саҭамыз, пан Димитри.
Ларгьы лафҳәараноуп «пан» ҳәа зацылҵаз. Алаф бзиа избо
аӡәы лакәзаап. Ус анакәха, аԥсҭазара иалагәырӷьо дреиуоуп
ҳәа аасгәахәт. Сара еснагь сгәы иаанагон, алаф ззеилымкаауа,
згәаҿы имнеиуа ауаа, аԥсҭазара иацәымӷны иашаз роуп ҳәа.
Убри, аҵәы налаҵашәа илҳәаз «пан Димитри» сгәалаҟазаара
бааԥсы акәым, сааԥсарагьы сханаршҭит. Брест сааижьҭеи
исцәыӡны иҟаз аччаԥшьгьы насзыхынҳәит.
— —Саҭамыз, пани Магдалина, сара ишсыхьӡу Митра ҳәоуп,
пан Митра, — саргьы исгәаԥхеит «пан» ҳәа ахьсалҳәоз. Илафны акәымкәа, ииашаҵәҟьаны исалҳәаргьы цәгьа исымбо
сааҟалеит. Ҳаҭырқәҵара дук арҿыхеит убри сара сгәаҿы.
— —Урҭ ахьӡқәа аҩбагьы акы акәӡами?
— —Мап, урҭ акы акәӡам, — даласырцәажәарц сахьынҳаланы
искит акәымзар, ианбыкәыз сыхьӡ ииашамкәа ирҳәар ас
санаҿаԥалоз.
— —Иуҭахызар иааркьаҿны Дима ҳәа уасҳәалоит, пан Дима?
— —Мап, пани Магдалина, сара ишсыхьӡу Митра ҳәоуп, пан
Митра, — афы сҿасааит, иабатәи «пану» исҿахаз! Аха аиаша
шәасҳәап, илафны акәымкәа, сыхьӡ убас нацҵаны илҳәалар,
сара акыр исыхәоны избо салагеит. Убри адагьы, даараӡа

исҭахын сыхьӡ иашаҵәҟьа лсырҳәар, ҳаизыҟазаашьаҿ убри
акыр алшоны иҟазшәа. Ҳахьынӡеицәажәоз, ариабжьарак сыбла иабақәаз маҷк инасхашҭит. Раԥхьаӡа Брест абааш гәаҭаны,
уаҟа аибашьра шымҩаԥысуази, ҳаибашьцәа рҭахашьа­
қәеи, рфырхаҵарақәеи зегьы неидкыланы срызхәыцуа
асасааирҭахь саныхынҳә, аухантәарак снаҳәы-ааҳәуа
аиарҭа сшылаз, сшыбарџьеиуаз иаасыршеит. Убри аҽны
инаркны сахьынаҵыслак сыбла ихгылан. Убарҭ сеидарақәа
снарыҵыҵызшәа збеит уажәы. Раԥхьа ҳанеицәажәозгьы
игәасҭеит, уи лыбжьы еилкаашьа змамыз мчык шаҵаз. Ус
еиԥш иҟоу абжьы, ахшыҩҵак иунаҭо инацҵаны, даҽа мчыкгьы
уланаҵоит, гәалаҟазаара бзиак узнарҵысуеит.
— —Иҿахҵәашәа иҟоу хьӡуп, аха ус уара иуҭахызар, иаҳҳәап
нас пан Митра ҳәа.
— Пани Магдалина, сара ибашоу хьӡым исыхьӡу. Дыҟан
убасеиԥш анцәа, ихьӡны Митра ҳәа...
— —О, улԥха ҳауааит, анцәа! Мама, анцәа ихаҭа ателефон
дысзасуеит, — лҳәеит лан лахь. Сгәанала, убри аамҭазы лан
илаҳартә лааигәара дыҟаӡамзаргьы ҟаларын, аха ус лҳәеит.
— —Убри, амра анцәахәы, ауаа шәҟынӡа ихы лбааганы дшәыҳәоит, шәарҭ, аполиак ԥҳәызба, аамҭа шәымазар,
сааҭбжак аҟара шәхы сықәшәыршәарц.
— —Сара анцәа дхасҵаӡом, игәра згаӡом, насгьы бааԥсыла
сицәшәоит.
— —Дзаҵәны имацара асасааирҭа дыҩнахеит анцәа Митра.
Санду, ԥсаҭа шкәакәа, илҳәалон еиԥш, анцәа срыцҳашьа,
иабаанагеи уҳәарауеи, сҿы аихыхха сымҭо, еишьҭагыланы
зҿаазхаз арсҟатәи ажәа! Аҵиаақәа ирҩызазар ҟалап абарҭ
ауаҩы ииҳәо ажәақәа. Инарҵауланы џьара ииуеит, рԥашәқәа
рҳауеит, рыҽдырӷәӷәоит, нас ԥхаррак анаарбалак, аимгеимцара инақәыршәаны, аԥсҭазара ҳаргьы ҳалахәуп ҳагьақәиҭуп
ҳәа рҿаархеит. Дара рхала, сара сгәы иахьҭаӡамыз,
сахьазыԥшӡамыз ҿықәк ахь сдырӡсеит. Изыбзоурада? Магда лыбжьы. Илҳәоз ажәақәа зегьы еилыскаауан, аха иоурыс бызшәамызт дызлацәажәоз. Уаҟа еилан аполиакцәеи,
аурысцәеи, абелорусцәеи рцәажәашьақәа. Урҭ абызшәақәа
еинраалан, убасҟак еилаӡҩаны илҳәон, иреиӷьу аҩыҟаҵаҩ

ҩ-хкык аҩқәа еилаҭәаны, ҩы бзиак ус изалхрымызт. Иԥшқан,
иласын, абзиабара иабызшәан.
Мицкевич ибаҟа аҿаԥхьа сгылан сылзыԥшын. Лара дагхомызт, лааира аамҭа иахымԥацызт. Сара заацәаны сааит.
Асасааирҭа ишацәыхарамыз здыруан уи абаҟа. Аха иахьыҟоу
сыцәҩашьар, аԥшаара сықәшәар ҟалоит ҳәа заа сдәылҵит.
Ҳәызба ҿык аҟара арҽырсҭа ырҵарны исуанҭеит сеиқәа. Ахаан
имаацшәа сԥаҵақәа ссеит. Брест сааижьҭеи исшәысымҵацыз
ссарочка шкәакәа счамадан хәыҷы иааҭызган, уигьы уанҭаны,
агалстук ақәҵаны инасшәысҵеит. Соура-сыҭбаара иаҳа
иацлазшәа, сызлаҟаӡамыз ала сыԥшӡахазшәа сгәы сажьо
сааҟалеит. Сгәанала саб сиацәажәон, уара узыҳәаноуп сызцо,
уи аԥҳәызбеи сареи ҳаиқәшәарц зласҳәаз ҳәа. Сара ԥҳәызбак
сналацәажәар, сналԥылар саб имуазшәа. Аха абраҟа сааны,
сыззааз аус схаршҭны... Дшааиуаз харантәи игәасҭеит. Ларӷьа
жәҩахь лхы аарнаашәа аныҟәара ҟазшьас илыман. Лааишьала
мацарагьы еилыскааит, сара сзышьҭоу аус аҿы акыр дсыхәозар
ҳәа мацара шакәу ҳаиԥылара дзақәшаҳаҭхаз. Алаф ҳәауа, телефонла исацәажәоз лара лакәӡамызшәа збеит, деиқәшьшьы
лылахь еиқәҵаны акәын дшааиуаз. Иҟаларын, телефонла
ҳанеицәажәоз, аҩны дахьынтәааз, ашәы лшәымызҭгьы, уажәы,
адәахьы дандәылҵуаз, ашәы анылшәылҵа, лгәалаҟара иаразнак ибжьнахит аасгәахәт. Убас сгәы ишаанагазгьы раԥхьаӡа
ацҳаҿ данызбаз, схы иҭашәаз ажәа бзамыҟәқәа еиҭах
иаасгәалашәан: «Шаҟа дарԥшӡозеи, шаҟа илнаалозеи ашәы!»
— сҳәеит. Сгәы иҭашәеитоуп еиҭах, ажәала ианысҳәаз, урҭ
ансҿыҵҟьаз усҟан акәӡам. Усҟан, ус еиԥш абзамыҟә ажәақәа
ансамхаҳәаз, ҳаччо-ҳахәмаруа, аҵлақәа ҳрывагыланы
ҳҽыҵәахуа, ҳаибаԥшааны ҳгәыдеибакыло, адунеи зегьы ҳара
иаҳтәны Беловежатәи аккара ҳаҵан.
— — Ауаҩы игра бааԥс ахьихәогьы ҟалозаап, — сҳәеит, џьара
акы ҳәатәуп, ҿымҭӡакәа ҳанбанӡацалои ҳәа. — Гра бааԥсыс
исыԥхьаӡон, сыхшыҩ аҵкыс сажәа ахьаԥысло. Уи грас
исымамызҭгьы, ҳаиқәшәап ҳәа аҳәара сзыгәаӷьуамызт. Сара
исҭахыз, иӡбаны исымаз, телефонла сбазҵаақәарц акәын.
— — Уахьхәызар ҳахьеиқәшәаз? Ухьӡ схамшҭи, аа, пан Митра! — иаразнак ԥхарак ҳабжьанаҵеит убри «пан Митра».

— — Сақәгәыӷуамызт, насгьы исзыгәаӷьуамызт баҳәара, —
сҳәеит, урҭ зысҳәаз ацәажәара салалагарц акәын, нас уаанӡа
сгәы иҭаз, сзызхәыцуаз, иаахтны лаҳәара салагеит; — Магдалина, сара бызжьеит...
— — Амц уҳәоу? Макьана ҳмеицәажәаӡац, мцыс иуҳәооз? —
алаф сҳәоз џьылшьеит.
— — Уажәы акәым. Нахьхьи, аԥсыжырҭақәа рҿы ҳанеиқәшәаз.
— — Иуҳәаз акгьы сгәалашәом.
— — Сара зынӡаскгьы дсыздыруамызт, иӡбахәгьы смаҳацызт
знышәынҭра бахагылаз. Сара агәра згоит, уи уаҩԥсы бзиак,
еицырдыруаз аӡәы шиакәыз. Аха, акы, сара араатәым, ҩбагьы,
ианакәызаалак, ашьапылампыл асра сазҿлымҳамызт.
— — Ииашану, ашьапылампыл асра бзиа иумбону? — убасҟак
иџьашьаны илҳәеит, схаҭагьы иааԥхасшьеит ашьапылампыл
асра сахьазҿлымҳам.
— — Исцәымӷны акәым, аха макьаназы уи ахәмарра
сахәаԥшырц стадионк аҟны сымнеиц. Амала дҽықәтәаҩызҭгьы,
усҟан акы иамусын. Схаҭа аҽықәтәара бзиа иахьызбоз аҟнытә,
зныкыр аӡәыр ԥхьахәк игахьазар...
Иҳәаны
салгаанӡа, сахьхәит аиаша
ахьласҳәаз.
Дыздыруазшәа лдыруандаз, иабаԥырхагаз. Сара сзышьҭаз
ахаангьы илзеилкаауамызт дшысзымдыруаз. Аха сара убри
амц хәыҷгьы ҳабжьазарц сҭахымызт, ишысҭахымыз еиԥш
ҳаицәыӡыр.
— —Иҟалап, адунеи зегьы дырдыруазшәа сара сгәы сажьоз­
ҭгьы, — лҳәеит. Деиқәшьшьы дааҟалеит. Зегьакоуп еиӷьуп аиаша ахьысҳәаз сгәахәт сара.
— —Магда, ииашаҵәҟьаны уи хьыӡ бзиа змаз аӡәы иакәхап,
мамзар уаҟа, абааш зыхьчо афырхацәа рывараҿы анышә дамардомызт, — сҳәеит. Лapa иахьласҳәоз аҵкысгьы, сара схаҭа
сазхәыцуан уи убраҟа анышә дзамадоузеи ҳәа.
Абаҳча ҳаҵаланы ҳнеиуан. Амра ҭашәахьан. Аҳауа
ҟәандан. Аҭәаҵлақәа рыбӷьы еилыршәшәо, ԥшакгьы нарыласуан. Арымӡаҿ ҳнатәеит. Лафк маншәаланы аӡәы иҳәар,
лахҿыхрак ааҳабжьаларгьы, иаарласны инеиқәыцәон. Абаҳча
агәахьы, инахараны ихәмаруан аоркестр. Иадырҳәон иласыз,
акәашара иазкыз амузыка. Сара сахәаԥшуан Магда илшәыз

ашәы. Ларгьы абри ашәы лшәымызҭгьы, саргьы сыззааз
азыҳәан акәымкәа, даҽа уск аҵыхәала сааны сыҟазҭгьы... Баша
хәыцран. Магда илсырбеит саб абра, Брест даныҟаз ииаауаз
ашәҟәқәа. Ҳаԥхьеит, сџьыба ишҭаз мацара, иҭаттаны ицартә
ихахьаз, снапала анышә дамаздеит хәа иҩызак сан лахь ииҩыз
ашәҟәгьы. Ажәак аанмыжькәа акакала ҳрызхәыцит. Магда
исабжьылгеит, баша амала сааит, акгьы сымбеит ҳәа макьана
ашәҟәы зымҩырц сан лахь. Иҟаларын, ԥшаашьа шамам лдыруан, сгәы лырӷәӷәарц азыҳәан мацара илҳәозҭгьы. Сара бзиа
избон лара данцәажәоз. Ианакәзаалак исцәуадаҩын ауаҩы
изыӡырҩра. Илҳәозаалак дцәажәалааит ҳәа слыхәаԥшуан
Магда. Уажәы еилылкаар, лгәы иалсыргьы, илҳәоз аҵкыс,
лҳәашьа иаҳа исгәаԥхон. Иҟоуп убас еиԥш амелодиа,
сааҟәымҵӡакәа сазыӡырҩландаз угәахәратә. Иуанаҳәозеи
убри амелодиа ҳәа аӡәы дуазҵаар, иуҳәаша уздырӡом. Убас
акәын сара сшазыӡырҩуаз уи лцәажәашьа. Лцәажәашьагьы
сазыӡырҩуан, лара лхаҭагьы слызхәыцуан. Абызшәақәа хԥа
еилаҵаны, еилаӡҩаны бызшәа ԥшқак аԥылҵент, аха иабаанагеи лыԥшӡара? Абас иԥшӡоумашь, иуаа цәанаалақәоумашь
аполиакцәа зегьы? Урыстәыла абжак еимыздахьеит, абри
лаҟара ишшәырӡа иҟоу ҵааҵла џьаргьы исымбеит, Аԥсны
ашьхақәа еимыздахьеит, аха исымбеит абри лыблақәа реиԥш
зыблақәа ҭыԥхаауа ақәасаб... Анцәа сихьчеит. Схаҿы иааит акәымзар, арҭ ажәақәа сымҳәеит. Хәыҷы-хәыҷла ԥхыӡк
саанахәон, ашоура сыжәлара иаҿын. Инахараны ишааҩыц
иааҩуан аоркестр ахәмарбжьы. Убри ахәмарра ианаҟәыҵлак,
лара дцарашәа сгәы иснаҭоит, ахәмарра иаҟәмҵындаз ҳәа
сазхәыцуан. Сара издыруазҭгьы абри аоркестр шаҟа цәгьара
сзаанагараны иҟаз, убри аухаҵәҟьа иахьсмаҳашаз џьара
сцон. Реиҳа иугәаԥхо, реиҳа ацәгьара шузнауа злаудыррызеи.
Сара игәасҭахьеит, мыцхәы сзеигәырӷьо, гәынҷыхьак сзыннамыжьыр ҟалаӡом. Убри ауха, аоркестр аҳәара иааҟәыҵыр,
аҵх шынаскьахьоу лнардырыр, дҩагыланы аҩныҟа дцоит ҳәа саншәоз, исыздыруамызт сцар ҳәа дышшәоз ларгьы.
Абри ансалҳәа, усҟан, Брест сахьынӡаҟаз, схы сгәы ақәдуны
сҟанаҵеит. Аамҭа акыр аныбжьыс, схы шысыԥхьаӡақәо аҟынӡа
сшыҟам еилыскаартә, аԥсҭазаара схы саналанарԥшқәа, сара

еилыскааит, уи аԥҳәызба, убри ауха, сара сҭыԥан даҽаӡәы
дыҟазаргьы, дааныжьны дцар ҳәа убасҵәҟьа дышицәшәоз.
Иҟаларын, лара, лгәаҵа иҭаҵәахны, дызҵаз аидара даҽаӡәгьы
длыцаҵалар лҭахызҭгьы. Убри азыҳәан акәӡами ҳара ҳгәырҩа
даҽаӡәы изиаҳҳәо? Аха иҟаларын, дзықәшәаз уажәшьҭа риашашьа шамам, ишанышәатәу лдырны, даԥырҵырц азыҳәан
лгәы иҭаз зегьы лҳәарц иақәылкызҭгьы. Убри ажәабжь аҳәара
даналага, сара исхашҭит шаҟа игәыҟаҵагаз, шаҟа иԥшӡаз лыбжьы. Илҳәоз зегьы аҵанарӡуан:
— Саныхәыҷыз аахыс дыздыруан. Сашьеиҳаби иареи
еиҩызцәан. Бзиа сшибо раԥхьаӡа иансеиҳәаз, жәибжь
шықәса схыҵуан. Хәышықәса рыла акәын сара саҵкыс
дахьеиҳабыз, аха зҭәымҭа иҭагылоу хаҵас ихы иԥхьаӡон сара
саасҭа. Иахьагьы исгәалашәоит раԥхьаӡа ишсеиҳәаз: «Бара,
хахәеилажәжәа, башьа изыҳәан мацара акәу џьыбшьома
ас лассы-ласс шәыҩны сзааиуа?» — иҳәеит. Бзиа сшибо ала
исеиҳәахьаз ажәақәа зегьы раҵкыс абарҭ иаҳа исгәалашәо исзынхеит. Ампыл асраз дызлаз икоманда џьара ианцалак, мызкы иаанхар, сара сзыҳәан шықәсык иаҩызан. Сгәанала, иара
цәалашәарала идыруан ханасыԥ нагӡара шамоуаз. Ҳаибагарц
аҿҳәара ԥҵәан. Аҭацамаҭәақәа ҿасҵахьан сара, ашьҭахь урҭ
еиқәаҵәала ишәны исшәысҵеит акәымзар. Ҳчара аҿҳәара
шыԥҵәазгьы, изырҳәа сыздыруам, ҳаицәыӡны ҳҟалозар, сара
сзыҳәангьы быԥсы ҭазароуп бара, сара сзыҳәангьы аԥсҭазара
беигәырӷьалароуп иҳәеит ҽнак. Ашәы шысшәу ибозҭгьы, наҟ
исшәыхны икаижьуан. Саҭоумҵан, лабжышда исызҳәом. Сара
издыруеит, уара зегь реиҳа еилукаарц иуҭаху. Иџьоушьеит
Брест зыхьчоз афырхацәа рывараҿ анышә дахьамадоу, ус
ами? — даасыхәаԥшит. Ишџьасшьаз ласҳәар, уаҟа анышә иамадара дабаԥсаз ҳәа аанагар ҳәа сшәан, ҿысымҭӡеит. — Уи
дҭахеит еибашьыҩҵас. Аибашьцәа ирыхьчоз, иаргьы ихы
ақәиҵеит.
— —Дҭахеит бҳәоу?
— —Дҭахеит. Дыршьит афашистцәа!
— —Араҟа, ҳара ҳҿы, насгьы аибашьра еилгеижьҭеи...
— —Аибашьра еилгеижьҭеи зежә шықәса анҵы ашьҭахь,
сара сынасыԥ дыреиқәаҵәеит афашистцәа. Урҭ дыршьит

Владислав, адунеи иқәу зегьы сара иреиӷьысшьоз. Абасҟак
шықәса анҵы ашьҭахьгьы... Ирҳәоит, Африка иарбан тәылоу
сгәалашәом, тәылак аҟны иҟазаап маҭы хкык. Иахьыршьыз
аҭыԥ аҟны аҵәы адырсуеит, абраҟа ишьын абри аҩыза амаҭ
ҳәа аанаго. Акыр шықәсагьы ауаҩы ишьапы хтны диасӡом.
Ашҳам илаланы дашьуеит. Астадион аҟнытә даауан Владислав. Школхәыҷқәак ааиԥылеит ахаҷа-маҷақәа кны. Цкьа
дынрыхәаԥшызар, ахәыҷқәа руаӡәк амина игәыдкыланы даауан. Ианыладырха-ҩадырха, ҷық-ҷық ҳәа аусура иалагеит
амина рхиага сааҭ. Ахәыҷқәа еигәырӷьаҵәа иазыӡырҩуан.
Владислав днахәаԥшызар, абар шәымҭакоуп иагу аԥжәаразы.
Днаимпыҵасны ахәыҷы иааимпыҵиԥааит. Иршәырц амҩа
днымҩахыҵны дыҩт... Саҭоумҵам, лабжышда исызҳәом.
Ахәылԥаз ҳаиқәшәараны ҳаҟан. Аҩны стәан, сизыԥшын. Ателефон абжьы анга, иара иоуп сҳәан, снеины иаашьҭысԥааит.
Иԥсы бахьӡом, ирласны бааи ҳәа ахәшәтәырҭа аҟнытә
ателефон дасуан иан. Аҽеилаҳәарагьы саламгакәа, аҩны
исшәыз шысшәыз, сындәылҟьеит. Сеиҵақьызқьызуа, сыԥсы
еивҵахо, сшыҩуаз снеит ахәшәтәырҭаҿ. Саҭоумҵан, ируам сылабжышқәа. Иааигәара снармышьҭит. Даашәмышьҭын
ҳәа ралҳәеит иан. Уи иахьагьы дыҟоуп. Сцалоит, дызбалоит.
Слызгәааит усҟан сахьыналмышьҭыз. Иҟалаз уиоуп, иԥсы
бахьӡом, бласны бааи ҳәа ателефон данасыз, иԥсы ҭан, иԥсы
шҭоу дызбар лҭахын, иаргьы дааҟәымҵӡакәа сыхьӡ аҳәара
даҿын. Егьа сласны снеизаргьы, иԥсы сзахьымӡеит. Усгьы
дыԥсхьеит, диҿашәмырԥшын лҳәеит иан. Убасҟак еицакын
ихы-иҿы, убасҟак дҟәаҟәан. Иан илҭахын сара дшызбацыз,
дшыздыруаз еиԥш даанхарц сгәалашәараҿы. Иҟаларын диашазаргьы. Брест ақалақь аҟны аӡәы даанымхеит аԥсыжраҿ
имнеиз ҳәа.
— —Ҳәарада, аибашьцәа рыгәҭа анышә иамадара даԥсан.
Егьиашаҵәҟьаны еибашьҩык иеиԥшцәҟьа дҭахеит.
Исҳәара сыздыруамызт. Изеиԥшра ажәақәазаалакгьы,
ажәақәа
мыцхәын.
Аҳәашьа
сақәшәомызт,
уаҟа
иагьабаҭыԥыз аҳәара акәымзар, абарҭ илҳәақәаз рышьҭахь,
џьара акала дысзааигәаны, ларгьы саргьы лахьынҵала
ҳахьеиԥшқәоу рацәаны избеит. Уажәы илҳәаз инацҵаны

иҵегьы ҳаизааигәанатәит, сара саб иеиԥш, ларгьы лаб
аибашьраҿ дышҭахаз анеилыскаа. Лара лхәыҷра шымҩасыз
даналацәажәа, сара схәыҷра азыҳәан ихыблаа-ҿыблааны
имҩасит ҳәа ахьазырҳәоз ԥхасшьеит. Лара лхәыҷра
аамышьҭахь сара схәыҷра, насыԥ шкәакәала имҩасыз хәыҷрак
иаҩызан. Сара аибашьра ахаҭа шыздыруаз ашьҭыбжьқәа
рыла мацара акәын. Еибашьҩык дҭахеит ҳәа ашәҟәы анаалак, ақыҭа иналыҩуан аҳәҳәабжь. Ашьхарахь иааҩуан абзарбзан быжьқәа. Иналаршә-ҩаларшәны ажәҩанаҿ иааӷызыӷызуан афашистцәа рҳаирпланқәа. Ҳҳабла аҵыхәахь икаҳаз
абомба ашьҭыбжь ала мацара ҳаҩны асаркьақәа ҭнаҟькьеит.
Иахькаҳаз ҩнык архәашеит, аха разҟыла аӡәгьы дамшьит.
Амлакра, агәҭҟьара, алаӷырӡ, ҳмыцәаӡакәа ҳшәо-ҳӡыӡо аршара... Ҳаргьы иаҳхаагаз иуқәшәира ихигааит, аха ҳара
убриаҟара шаҳхаагазгьы, ҳара ҳхәыҷра қьафуран, абарҭ
раԥхьаӡа афашистцәа ахьақәлаз ақалақьқәеи ақыҭақәеи рҟны
инхақәоз ирхыргаз аамышьҭахь. Магда лаб дшеибашьҩыз
анеилыркаа, лангьы ларгьы зны аконцлагер иҭаркит, ашьҭахь
Германиаҟа идәықәырҵеит. Убраҟа ирхыргаз мацара изхоит
аӡәы иԥсҭазараҿ.
Магда илҳәоз сазыӡырҩуан. Сгәы иаанагомызт абасҟак
сазааигәаны абла сҭаԥшуеит ҳәа аибашьра. Уи арԥыс иҭахара
сгәаҿы иарҿыхеит аамҭа ихнаҽхьаз агәаӷ зегьы.
Убри ауха саб иҭахара ҿыц исхызгеит.
Аҵх ашарахь илеиаанӡа ҳаицын. Ақалақь ҳахьалаз,
иналаршәшәа, ишламхаҳәоз удырыртә, абраҟа ҳтәахьан
Владислави сареи, абраҟа зны сизыԥшны сгылан ҳәа
анаалыҿҟьозгьы, сара сазхәыцуан, убри лхәыҷреи сара
схәыҷреи шаҟа еиԥшу, сазхәыцуан уаҵәы иаашар сыбла аҭаԥшра лцәымыӷхарушь ҳәа. Раԥхьатәи шәеибадырра,
шәеиқәшәараан згәы иҭоу зегьы уазҳәаз, адырҩаҽны уибарц,
убла дҭаԥшырц иҭаххаӡом.
Исгәалашәоит, даараӡа исҭахын убри ауха днасгәыҵаҳәҳәа
дгәыдскылар. Ашьҭахь, мшқәак анҵы, иҳаҩсхьоу, иаҳхаагахьоу
акәымкәа, ԥхьаҟатәи ҳамшқәа рылацәажәарахь ҳаниас, иаҳагьы
ҳанеизааигәаха дышгәыдскылоз еиԥшыз гәыдкыларахомызт уи
ауха дгәыдыскылазҭгьы. Дгәыдыскыларц сҭахын, ахәыҷкәа зхы

рықәызҵаз ауаҩы абасҟак иӡбахә бзианы иахьылҳәаз, убасҟак
уи ишҟа абзиабара лыманы адәы дахьықәыз азыҳәан. Лыбзиабареи лгәалашәареи, убри арԥыс иакәымкәа, саб изкызшәа
исыԥхьаӡеит. Излеизааигәоу, излеиԥшу иаахтны ҳәашьа сзамҭо,
цәалашәарала издыруан Магдеи сани лахьынҵала џьара
ишеиԥшыз. Сан данқәыԥшӡаз, саб аибашьраҿ дышҭахаз ала
ашәҟәы анааз ашықәсқәа рзыҳәан, сгәанала, ԥшра-сахьалагьы
Магда длеиԥшын. Иҭахаз шеиҟаранатәыз еиԥш, зыԥсы ҭаны
иаанхаз, уи амцабз зыхькьысызгьы, ҳаиԥшнатәит аибашьра.
Уи ҳагьеизааигәанатәуан, аха ҳагьеицәыхаранатәуан. Схысгәаҿы ажәақәак рҽеизыркуан Магда иласҳәарц. Бара бзиа
иббоз арԥыс ихы зыхҭниҵаз, уажәы ичча-хәмаруа адәы иқәу
ахәыҷқәа, баргьы саргьы, ҳарҭ, зыԥсы ҭоу зегьы ҳхазыҳәан мацара акәымкәа, адәы ҳақәзароуп убарҭ, ҳара ҳзыҳәан иҭахаз
рыхьӡалагьы, шьаҿак еихаагозар, убарҭ ишԥеихыргарызшь
ҳәа ҳазхәыцны еихаагалароуп ҳәа исҳәарц рҭахны, ажәа
ҳаракқәак сқьышә иқәххуан. Аха изеиԥшра ажәақәазаалакгьы,
егьа гәҭыӷьӷьаала исҳәаргьы, ацәажәара аҵкыс аҿымҭра иаҳа
аҳәон, иаҳа аҵанакуан. Исгәалашәеит, саб рҳәара бзиа ибон ҳәа
сан исалҳәаз ажәақәа. Урҭ рҵакы уамак сазымхәыццызт убри
ауханӡа. «Ауаа ашьхақәа ирҩызоуп, абзиабароуп еимаздоны
цҳас ирыбжьоу» ҳәа иҳәалозаарын. Убарҭ ажәақәа рылаҵәҟьа
иҳәамзаргьы, убри иазааигәоу хшыҩҵакык саԥхьеит исалам
шәҟәык аҟынгьы.
Иҳазгәамҭаӡеит аҵх ашарахь ишынаскьаз.
— —Усзымгәаан, суҳәоит, — лхәеит, дааҭгылан. Лыҩны
ааигәара ҳнеихьан.
— —Сгәаауама, иҭабуп ҳәа басҳәарцоуп сгәы иҭоу, — сҳәеит
сара.
— —Исыхьыз сыздыруам, шаҟа сҳәазеи уаха.
— —Имыцхәны ажәакгьы бымҳәеит.
— —Уара усазҵаарц ззуҭахқәаз акгьы ҳшаламцәажәаз
уажәоуп иансгәыалашәаз. Усзымгәаан.
— —Иара ихьӡ аламзаргьы, зегьакоуп бара ибҳәақәозгьы
саб изкын.
Димитри, абасҟак ибзианы уахьсзыӡырҩуаз азыҳәан, —
лҳәан, саагәыдылкылеит. Ажәас илҳәаны исгәалашәо убри-

ак ауп. Еиҭах сыхьӡ иашаны илымҳәаӡеит. Сара исцәымӷуп
сыхьӡ иашамкәа ианырҳәо. Бжеиҳан алаф алхшәоуп ишсыриашо, аха алаф агәалагьы аҵаҵәахуп. Уажәы сыхьӡ иашамкәан
иахьылҳәаз, алафгьы сзалымхит, гәалакгьы сызнамырҿыхеит.
Урҭқәа срызхәыцуа сыҟамызт. Сара срызхәыцуан Магда
исалҳәақәаз. Уажәы сара сгәалаҟазаара иаҳа еицәан, лара
лгәалаҟазаара аҵкыс. Лара зегьы ҳәаны даналга, хақәиҭрак
лоун, иаҳа длахҿыхханы дыҟан. Уажәшьҭа лареи сареи
ҳаиднакылон убригьы, еидарак ҳахьеицаҵаз. Уи лажәабжь
ҳәҳәабжьык иаҩызан. Исыздыруам уаҳа ишахьӡысҵара.
Ҳәҳәабжьын. Раԥхьатәи сыбзиабара сзалыхәдашәтәызеи,
сзыжәыблызеи, ԥсҭазаашьас исымоузеи ҳәа ауаатәыҩса,
аԥсабара, адгьыл, ажәҩан зегьы ираҳарц, лыбжьы
мырдуцәакәа, ашара адәы иаақәлаанӡа дыҳәҳәон уи. Иҳәҳәон
лылабжышқәа, иҳәҳәон акасеиқәаҵәа илхаз.
Даҽазнык ҳанеиқәшәаша ҳәа лаҳәашьагьы сақәымшәакәа,
ашара адәы ианаақәлоз, луадахь дызлахалоз амардуанаҿынӡа
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 07
  • Büleklär
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3267
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2161
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3271
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2108
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3269
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2110
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3131
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2175
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3330
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2088
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3365
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2128
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3286
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2227
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3331
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2321
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3210
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2324
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3293
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2119
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3221
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2117
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3292
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2326
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3399
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2284
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3360
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2286
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3312
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2259
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3301
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2194
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3279
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2266
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3327
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2274
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 19
    Süzlärneñ gomumi sanı 3319
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2320
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 20
    Süzlärneñ gomumi sanı 3328
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2244
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 21
    Süzlärneñ gomumi sanı 3373
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2167
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 22
    Süzlärneñ gomumi sanı 3378
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2234
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 23
    Süzlärneñ gomumi sanı 3395
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2263
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 24
    Süzlärneñ gomumi sanı 3328
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2222
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 25
    Süzlärneñ gomumi sanı 3348
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2223
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 26
    Süzlärneñ gomumi sanı 3322
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2184
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 27
    Süzlärneñ gomumi sanı 3241
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2149
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 28
    Süzlärneñ gomumi sanı 3286
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2226
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 29
    Süzlärneñ gomumi sanı 3337
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2041
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 30
    Süzlärneñ gomumi sanı 3341
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2012
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 31
    Süzlärneñ gomumi sanı 3303
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2106
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 32
    Süzlärneñ gomumi sanı 3375
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2108
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 33
    Süzlärneñ gomumi sanı 3391
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2245
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 34
    Süzlärneñ gomumi sanı 3314
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2125
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 35
    Süzlärneñ gomumi sanı 3309
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2050
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 36
    Süzlärneñ gomumi sanı 3332
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2028
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 37
    Süzlärneñ gomumi sanı 3258
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2147
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 38
    Süzlärneñ gomumi sanı 1886
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1202