Latin

Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 05

Süzlärneñ gomumi sanı 3330
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2088
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
удырҩатә еиӷьхааит, аринахысгьы ухы камшәалааит ҳәа,
дныҳәаныԥхьо, ишыҟарҵацыз еиԥш, инаигәыдырԥсаларц,
аҳаскьын рԥны иааныркылеит џьоукы, даҽа џьоукы,
ишиԥылацыз еиԥш, Ажәеиԥшьаа рашәа изырҳәарц
рыҽдырмазеит.
Еиҵхәаа анаараҿ икажьыз ақәыџьма ашҟагьы дымнеикәа,
изыԥшыз ауаагьы днарывсын, лабажәк еиԥш ишәақь иҩыҵрак,
уаҳа даахьамԥшӡакәа дцеит иара.
Игәаҵа
иҭаԥшны,
дзакә
уаҩԥсыз
аилкаара
рцәыуадаҩхазаргьы, уи ахаҵа ихьӡыз, ижәлаз аҟара уеизгьы
ирдыруан, амала Кац Кьамсыс ҳәа ихьӡ анырҳәоз, инаԥшьны
ашәарыцаҩ ҳәа уаанӡа изырҳәалоз, иаргьы дыззыгәдууз ахьӡ
ҷыда, убри аҽны инаркны, уаҳа изырҳәар имуит.
1976

АШЬХАҚӘА ЕИМАЗДО АЦҲА
Схаҭагьы исзеилымкааит иҟалаз аиашаҵәҟьа. Исзеилымкааит усҟан, ианыҟалаҵәҟьаз. Ашьҭахь, аамҭа акыр аныбжьыс,
ҳшеицәыӡра ҳаицәыӡны, иҟалашаз ҟаланы ианалга, сара
исхарақәаз здырит, сахьхәит, схы, сыԥсы сшәиит, сақәыӡбеит
ҳәа иабасыхәоз. Абахә далҟьаны ибӷалаз, зыԥсы еиқәхаз,

ишьара данаақәлалак, данхәыцлак, игәалашәоит дахьыбӷалаз,
абахә ахықә аҿынӡа дызланеиз амҩа. Игәалашәоит уи амҩа
раԥхьаӡа дшанылаз, гәҭыхас имаз, насгьы дцарц ахьиҭахыз,
дзызхәыцқәоз. Аха егьа дхәыцыргьы гәаларшәашьа имам,
дыбӷаланы дандәықәланахыс иааҟалаз. Издыруам дыбӷазҵаз
ахаҳә ишьапы иахьаҵҟьаз зыхҟьаз. Иҟаларын, иӷәӷәаны абахә
иаламызҭгьы ахаҳә, иҟаларын, абахә дхаларц иаҿыз ауаа
ииашамкәа иқәиргылазар ишьапы, иара зегьы зхараитәуа
ахаҳә зынӡаск акгьы ахараӡамзаргьы. Шықәсык аҟара
ҵхьаны, раԥхьатәи сышьацәхныслара хьаазымгартә сшьара
сықәлахьаны, исыхьыз сан ианласҳәа, узшаз дуԥырхагахеит,
нан, лҳәеит. Сызшаз дахьсԥырхагахоз егьыҟамызт, аха
сшьақәзырҟьашаз мчы бааԥсык уеизгьы сарҩышьит.
— — Иааигәаӡаны абла сҭаԥшыртә анасыԥ ааигәара сназгаз ашьаҿақәа акакала исгәаласыршәо саналагалак, шаҟа
срызхәыцуа аҟара, иаҳагьы ҽԥныҳәаҵас саҳара иалагоит саб ибжьы. Исаҳауеит ҳәа сҳәоит, избанзар, уи ибжьы сашьцылахьан сара. Аиаша сҳәозар, уажәшьҭа ибжьы
саҳара иаҟәыҵхьеит. Амала еиҳарак убраҟа, Брест ақалақь
аҟны саннеиз раԥхьатәи амшқәа рзыҳәан уахгьы-ҽынгьы
дааҟәымҵӡакәа сацәажәара даҿын, сахьынаҵыслак иара ибжьы саҳауан. Уи, схы салазырԥшлоз саб ибжьы, ахаҭа былны
иццышәха ианцалак, акыр шықәса адгьыл ахь зылашара амҩа
иқәу аеҵәа ашәахәа еиԥшын.
— — Саб, уара убжьы сара сахь амҩа ианбақәлеи? Сара
сразҵааит Брест абааш аҭӡамцқәа. Урҭ рыжьқәа ҭнажәжәартә
ахы цаҳә-цаҳә анрықәшәаз амшгьы асааҭгьы ргәалашәоит.
Сара исыздыруам уара убжьы сара сахь амҩа ианықәлаз иарбан мшу, аха сара издыруеит шаҟа шықәса уара убжьы сара
сахь амҩа иқәыз. Иԥшын сара саназааигәахо ҳәа. Иԥшын
ҩажәи хԥа шықәса. Иҟалап, саб, урҭ рҳәара ушаҿыз акәзар...
Изласҳәарызеи «уҭахеит», мамзаргьы «ублит» ҳәа... Иахьагьы
имцаха исыцралоит арҭ ажәақәа. Абыржәызаҵәык, саб, сара
исылоу уара ушьа сыманы суҳәоит, абыржәызаҵәык усацәажәа.
Усмеигӡан, гәшаҭара аҭахым, ypҭ ажәа хьанҭақәа сычҳартә
сшьапы сықәгылахьеит сара. Насыԥла сманшәаламхазаргьы,
егьирахь...

— — Иарбан шьаҿоу ихзырбгалаз унасыԥ, сыҷкәын?
— — Саҭоумҵан, саб. Исыздыруам, исыздыруам ишыҟалаз.

Усҟан, мшәан, сара уара уаҵкыс сеиҵбын, анасыԥ иашаҵәҟьа
убри шакәыз сзеилымкааит.
— — Акгьы алымҵит ҳаицәажәара. Арҭ исоуҳәаз ажәақәа
баша хырқьиага ажәақәоуп. Урҭ урызҿыхуам, уара, сыҷкәын.
Бзиала! Убасҟан иуасҳәақәаз угәаларшәа, убасҟан.
— — Уҽԥныҳәа жәақәа гәыҭшьаагоуп, саб. Уцаанӡа, суҳәоит,
даҽа ажәақәак саҳәа, ажәазаҵәык.
— — Сара сеиҵкыс уажәшьҭа уара уеиҳабхахьеит, сыҷкәын.
Сара иуасҳәо сыздыруам. Сажәа усла иуасҳәахьеит. Уазхәыц.
Абжьы иаҳа-иаҳа инаскьо, инаскьо мацара, ашьшьыҳәа
инеиқәтәоит. Убас еиқәтәоит аҵеџь иҭашәаз ахаҳә иахылҵуа
ашьҭыбжь. Акраамҭа ашьҭыбжь гоит, игоит иааигәаны, нас
инаскьоит, иаҳа ихәаҽхоит, аҵыхәтәаны, имҩасны ицаз
аҳаирплан ашьҭыбжь инаҩызахоит. Ашьҭыбжь ахьынӡагоз
иҳанаҳәеит ахаҳә агәҭыха зегьы.
Сшьара сықәлоит. Еидара хьанҭак саҵыҵызшәа, ԥсеив­
гараны саақәԥсычҳауеит. Уажәшьҭа исылшоит ҭынч,
смыццакӡакәа, акакала зегьы сгәаласыршәар. Исхашҭыз,
мамзаргьы исцәыбжьахаз, насгьы исзымгәаӷьыкәа, имҳәакәа
исҵәахқәазгьы лҳәап, илгәалашәап лара, зыбзиабара
саԥсамхаз Магда... Мап, саҭамыз, пани Магдалина. Иаармарианы, иааркьаҿны Магда ҳәа лыхьӡ аҳәара, шаҟа иаарласны
азин соуз еиԥшҵәҟьа, инасыпыҵышшан, иаарласны исцәыӡит.
1964 шықәсазы, нанҳәа мза ҩагылоны, мызкы иҿысхуаз
ачаи иснаҭаз аԥарақәа ааидыскылан, сан исылҭақәазгьы
уахь инарыцҵаны, амҩа сықәлеит Брестҟа. Аинститут аҟны
иҳамаз аԥсшьара мшқәа схы иасырхәеит, сымҩа қьыра
арҳараҟнеиԥш, убрахь ацара азыҳәан аамҭа аԥшааразгьы.
Усҟак мшы схы сақәиҭны даҽазны аамҭа соуамызт. Насгьы сан лзыҳәан еиҳарак аус злаз, усеиԥш иҟаз амҩа схала сықәлартә сҩеидасхьан. Сара акыр шықәса сазхәыцуан,
лара ичҳауа, ҭынч акыр шықәса уи амш дазыԥшын. Лара
дзымцоны акәмызт, аха, сгәанала, убрахь сара сцар иаҳа
еиӷьны илыԥхьаӡон, саб акыр ихәозшәа. «Иҷкәын дыҟоуп,
дҩеидасыр, дцап», — лҳәалон. Уаанӡа убри амҩа санықәлара

ҳәа дазхәыцуан, аха сышцаҵәҟьоз анылба, сшымгәыӷӡоз,
агәамҵхамҵра далагеит. Илыдсымбалаӡацыз гәжәажәарақәак
лызцәырҵит. Ахӡыӡааразы уи еснагь дсыхӡыӡаауан, аха
асҵәҟьа илынлырԥшуамызт. Зны-зынлагьы уи амҩа сахьықәло
деигәырӷьозшәа ҟалҵон. Усҟан угәы иаанагарын, саб иԥсы
ҭаны, аҩныҟа амҩа изымԥшаакәа дынханы дыҟаны, сара
иаагара сцоит ҳәа. Илзымдыруаз иарбаныз, иарбаныз ҿыцс
илаҳараны дыҟаз. Амҩа сықәлара мчыбжьык шыбжьаз далагеит: «Сыцәа ҭынчым, сыԥхыӡқәа ҽеим», — ҳәа. Дааҟәымҵӡакәа
дсазҵаауан (агәылацәагьы дразҵаа-қәазаап, ашьҭахь
иламхаҳәеит), аԥсыуацәак уаҩы изахымбаауа, маӡашәк лара
лзыҳәан изҵаҵәаху, адгьыл аҵыхәан иҟоу Брест ақалақь
аҟны анемеццәа нхомашь ҳәа. Уи ақалақь иаху, иаҵыхәоу
даԥхьартә, лара лҳәашьа, ҷышәра лыздыргәышьомызт.
Реиҳа дзыцәшәоз рыуа иарбаныз сыздыруам, саб иишьыз
анемеццәа рҭынхацәақәак, рашьцәақәак ыҟаны, мамзаргьы
ирхылҵыз ҩеидасхьаны, сара сызусҭоу, сахьынтәааз, насгьы
сызԥоу ааилыркаар, ршьа рурц азыҳәан иласгәдҵаны сыршьыр ҳәа акәзу, мамзаргьы саб дахьҭахаз сыблала избар,
насгьы деилыскаар уи зхымҭа дагаз, иара ихаҭа, иаҳҳәап,
дыҟаӡамзаргьы, уи иашьцәа, ма иан, иаб, мамзаргьы ихшаз
ҳәа аӡәыр дыҟазар, ажәытәтәи аԥсуа ҵас ишахәҭоу ала, сшьа
зурц азыҳәан илаигәыдҵаны аӡәыр дысшьыр ҳәа дшәозу. Аха
убарҭ руак лара дшаргәжәажәоз аилкаара мариан лҵаашьала.
Ҩаха-ҩымш ҵхьан ақалақь Брест сааижьҭеи. Араҟа
саанӡагьы уи ақалақь иазкны шәҟәқәак еизызгахьан.
Араҟа сшааиз еиԥш исыԥшааит ахсаала. Схәыҷра хыблааҿыблааны иахьымҩасыз ҭыԥк ашҟа сгьежьуазшәа акәын,
адәыӷба санаақәҵыҵәҟьа, абааш ашҟа сандәықәла сцашьа
шыҟаз. Сагьыццакуан, анеирагьы сацәшәон. Сгәы иаанагон,
сышнеиҵәҟьалак, сара сзышьҭоу адгьыл ҿаҵа ҭыԥ хәыҷы снахагылоит ҳәа. Сыҟәџьал хәыҷы азна анышә ҟаҵаны, ибзианы ахы ҿаҳәаны сшәыра иҭоуп. Уи аҟәџьал азнаҵәҟьа ыҟоуп
анышә. Санду лнышәынҭра аҟынтәи нышә напуп. Нас, сгьежьны санцо, абрантә, саб инышәынҭра аҟнытә, нышәнапык
аҟәџьал инҭаҵаны, уахь, санду лнышәынҭрахь изгароуп. Цахак илаҳәазаргьы амуаз уи анышәнапы, аха ус иаҵасзаап —

уеизгьы-уеизгьы анышә аҟәџьал иҭаҵатәуп, насгьы ибзианы ахы ҿаҳәатәуп. Сан лгәы иахәон, сара сзыҳәан иџьабаа
думызт, изамаскрыз уи аҵас. Исзыԥшыз, агәра згаҵәҟьоу
сзықәгәыӷуаз аиԥылара, бзиабара дук шсызнарҵысуазгьы,
сшьамхқәа аркәадо, ахьаа дугьы сызнарҿыхон. Убарҭ аҩба
ишраҭәоу сырԥылар акәын. Саб исырбар акәын сара уажәшьҭа
сышхәыҷым, сышхаҵахахьоу.
Сеимдарақәа башахеит, аха уи зхарастәуаз аҭыԥқәа,
ацарҭа-аарҭақәа, насгьы аԥсыжырҭақәа цқьа иахьсзымдыруоуп сҳәеит. Агәкажьра аҭахымызт.
Аҽнынтәарак сшеимдоз сааԥсан, ахсаала ҭҵаауа,
шәҟәқәакгьы снарыхәаԥшуа, аӡиас Буг ахықәан, аԥслыш
амҵан ашәшьыраҿ стәан. Ашьац ԥштәы змаз аӡиас ихкьыслон аԥслыш махәқәа. Рыхцәқәа ԥыртланы ирықәԥсаны,
аԥсрахьы инеиуа аԥсуа ҳәсақәа сгәаладыршәон сара урҭ
аԥслыш махәқәа рхьыдышьшьышьа сахьахәаԥшуаз. Инахараны, Беловежатәи аккара уахьнылсуа, аполиакцәа рыдгьыл аҵыхәахь, аҭашәаразы илаҟәуан иҩеижьхахьаз, зшоурагьы хҽхьаз амра. Аӡиас шнеиуа, аԥаҩ ҳаракыра инадсыланы, иаакҿагьежьуан, итомбараха иаашьшьырахон. Убри
аԥаҩ иқәгыланы, реиҳа иҵауланы иԥо ҳәа еицлабуа, аӡы
хыла иасуа, рыҽдырхьуан ахәыҷқәа. Ахсаала еикәаԥсаны,
ашәҟәы инагәыласҵеит. Избаз, исаҳаз, арҭ аҩымшк
сахьыҟазгьы неицҵаны, сазхәыцқәарц, сеиқәшьшьы стәан.
Ҳәарада, макьана агәкажьра аҭахым. Сан лахьгьы макьана
ашәҟәы сымҩыроуп. Сааит сманшәалаханы, аимдара саҿуп,
хымԥада исыԥшаауеит. Уаҳа акгьы аҭахым, акгьы ҳәатәым.
Иаарласшәоуп ишеимыздаз Брест ахьчаҩцәа рыԥсыжырҭа.
Сыццакцәеит. Даҽа зныкгьы, ҩынтәгьы сцароуп. Школк аҟны
снеины, арҵаҩцәа ирасҳәар, ахәыҷқәа сыцдырхырааргьы
ҟалоит. Сара сеиԥш егьаҩы аауеит араҟа.
Абас ахәыцрақәа срылан, аӡы иҭаз ахәыҷқәа сыбла ишыхгылазгьы. Хәыҷы-хәыҷла сыбла иабоз ашҟа иниасит схәыцрагьы.
Аӡы еиқәырҭәон ахәыҷқәа. Рыччабжь ӡыхьҵас еилаҭәон, убас
ицқьан, убас игәырҩадан. Шьыцрак ҿыхеит сгәаҵан. Иҟаларын,
шьыцрамкәан, гәхьаагаразаргьы. Схәыҷаахыс гәыҵхас исыман абрахь амҩа ақәлара. Аха знык амҩа санықәла, сгәыҵха

иаҳагьы иҿыхан, сбылуа исыцралеит. Уажәы убарҭқәа зегьы
насхыԥсаан, сҽааилыхны, абанҭ ахәыҷқәа реиԥш, саргьы аӡы
сҭаландаз сҳәеит. Убас саалахҿыххеит урҭ сахьрыхәаԥшуаз.
Ирыбаргәузеи зхәыҷра хәыҷраҵас имҩасуа. Сара акырынтә
сазхәыцхьеит, ауаҩы иԥсҭазараҿы реиҳа ицәгьоу иарбанушь,
хәыҷрада имҩасуа ахәыҷра акәу, мамзаргьы жәрацәгьарала
имҩасуа ажәра акәу ҳәа. Сара издыруан, абарҭ ахәыҷқәа
абыржәы дрыхәаԥшуазҭгьы, рыччабжь дазыӡырҩуазҭгьы,
шаҟа агәеизҳара инаҭоз саб. Издыруан схаҭагьы урҭ срылибаар, игәырӷьара иаҳагьы ишазҳауаз. Убригьы азин снаҭон,
сҽааилыхны, ахәыҷқәа реиԥш, хыла аӡы сасуа, сааҭқәак
раҟара схынҳәыр, гәырӷьарада, ихыблаа-ҿыблааны, саб
зынӡаскгьы имбаӡакәа имҩасыз схәыҷра aшҟa. Абри аҩыза
ахәыцрақәа срылан, абас иҟаз, нагӡашьа змам гәаҳәарақәак
срызхьаауан, сшымгәыӷӡоз иаалырҟьаны, схы сҩаханы, Буг
аӡиас нырцәҟа санынаԥш... Мап, исхашҭыз, раԥхьаҵәҟьа
сылаԥш анлықәшәа, сзызхәыцқәоз инеиԥхьытта ицан, зегьы
аасхашҭит. Санду ԥсаҭа шкәакәа илҳәалон, аԥхыӡ ушалоу,
уԥхыӡ баны уалгаанӡа, уганахь уааҳәыр, уԥхыӡ узышьҭкаауам,
ишынеибакәу иухашҭуеит, анаур заҵәыкоуп иузынхо
ҳәа. Убри еиԥшшәоуп ишсыхьыз. Уи аԥҳәызба сылаԥш
анлықәшәа, уаанӡа сзызхәыцқәоз зегьы схашҭит. Иҟаларын,
саргьы исҭахызҭгьы ԥыҭраамҭак урҭ схашҭыр. Нас, уажәшьҭан
иаҳа еиӷьны срызхәыцуеит. Сахьынлыхәаԥшыз, акраамҭа
исызлыдымxya, сылаԥш лыдхалеит. Исгәалашәоит, раԥхьаӡа
иџьасшьаз, хашьха қыҭаҿтәи аҳәсахәыҷқәа цәгьашәа
дреиԥшын еилаҳәашьала. Убрахьынтәи иааны иҟоу аӡәы
лакәыз џьысшьеит. Издыруада аригьы сара сеиԥш гәыҵхак
лымазар ҳәа сналызхәыцит. Еиҳарак ас сгәы изаанагаз, ҳара
ҳаҳәсахәыҷқәа, гәырҩа бааԥсык ианақәшәалак, ишыршәырҵо
еиԥшҵәҟьа, ашәы лшәын. Аӡиас анырцә, амҩа иаваршәны,
ацҳа ашҟа лхы рханы днеиуан. Арахь, сара сахь аӡы дырырц, ацҳа даннықәла, дааҭгылан, амаакыра лмышьхәылҵқәа
нықәҵаны, аӡы дӡааԥшыло даагылеит. Лқәыԥшра, ҭынч,
ашьшьы-шьшьыҳәа лныҟәашьа, лоура наӡа-ааӡа, анаҟә
еиқәара амра анагәылԥхо еиԥш, ашәы илшәыз иагәылԥхоз
лхы-лҿы шкәакәа уҳәа, зегьрыла араҟа сааижьҭеи избақәахьаз

аҳәсахәыҷқәа дреиԥшымызт. Иҟалап, аӡәгьы диеиԥшымшәа
сара сыблақәа исдырбазар. Иҟалап, сара, иаамцхәцәангьы
агәырҩа зҽазҭо, иаамцхәцәангьы ашәы зшәызҵало аԥсуа
ҳәсақәа зылаԥш рышьцылахьаз, абри аԥҳәызба сыбла ахьлыдхалаз зыхҟьаз, еиҳарак сыбла дзыхгылаз, ацҳа анаҩсан, ран
ишаалыхшаз рҽеилыхны, рцәа-ржьқәа ҟәашә-ҟәашәӡа аӡы
иҭаз ахәыҷқәа ракәзаргьы. Урҭ рцәа-ржьы ашкәакәареи, лара
илшәыз ашәы аиқәаҵәареи, асы шкәакәеи амца ицәнарбблыз
аҵааҵла амахәқәеи еидукылар еиԥш акәын ишеизыҟаз,
ишеиԥшымыз. Убри адагьы, насыԥ змаз ахәыҷқәа, рынасыԥ
иаҳагьы иацнаҵо, ргәырӷьара иаҳа-иаҳа ихало аӡы иахьҭази,
лара, ацҳа дықәгыланы урҭ ирыхәаԥшуаз аԥхәызба, лылахь
аиқәшьеи ааидкыланы урыхәаԥшыр, урызхәыцыр, насыԥ рыманы игәырӷьоз, ргәырӷьара иаҳагьы иазҳаны, иҩбаханы иубон, агәырҩа змаз, ашәы зшәыз, лгәырҩагьы ҳәаак амамкәа,
ашәы илшәыз аиқәаҵәарагьы ҩбаны иазҳаны акәын убла
ишыхгылоз. Абарҭ аиԥшымрақәа инарыцлазар акәхап сара
схаҭагьы агәырӷьара ахьсыцәмаҷыз. Схәыҷра хыбла-ҿыблаа
иснарҵахьан алахьеиқәра закәыз, сара дысгәалашәозар аахыс, шкәакәа маҭәа зшәызымҵац сан шаҟа илцәыхьанҭаз
ашәы аныҟәгара.
Сара гра бааԥсны исымоуп ауаҩы ихьӡ ахашҭра. Ашьжь­
ымҭан ихьӡ сеиҳәар, шьыбжьаанӡа схы инҭԥышша ицоит. Аха
анцәа акы иалыхәдеитәуа даҽакы ииҭоит ҳәа шырҳәо еиԥш,
ахьӡ гәхашҭраны исылазҵаз, иаасзеицәахома сҳәо аҟынӡа
иамцхәнгьы исылеиҵеит даҽакы. Блеихаҟәысрак иадамхаргьы, сылаԥш наидхалартә знык избаз ауаҩы, акыр шықәса
ҵыргьы, аџьар днарылскаауеит. Данызбаз, дшызбаз, убри
аамҭазы маҭәасгьы ишәыз инаркны исгәалашәоит. Иахьысҳәа­
хьоу даараӡа ирацәоуп абри, иахьс­ԥыр­хагахақәахьоу
шыҟоугьы. Иҟалап, абри зыбзоуроу, санихәаԥшуа, егьырҭ
ауаа дызлареиԥшымзеишь ҳәа сахьхәыцло акәзар. Ацҳа
данаақәла, амаакыра лмышьхәылҵқәа нықәкны иааҭгылаз
аԥҳәызба, убасҟак дааигәаны слыхәаԥшуан, ашәы илшәызи
лыџьымшьқәеи ԥштәык шеицрымаз збартә. Убри аамҭазы
исхашҭит ашәы зылшәу, илызгәакьоу аӡәы иԥсра азыҳәан
шакәу. Аҭацамаҭәа аԥҳәызба ишылнымаалара илнаа-

лон уи аԥҳәызба илшәыз ашәы. Абри схы ианҭашәаҵәҟьа,
сналыдгыланы иласҳәазар аҟара, схаҭа иԥхасшьеит. Аха
иҟалалоит убас еиԥш, хшыҩ бзамыҟәк ухы ианҭашәалак,
шаҟа иуԥыруцарц уҭаххо аҟара, иаҳагьы иудҷаблоит. Шаҟа
еиҿырԥшра схаҿы иаазгазеи лара слыхәаԥшуа, аха иамуит, уаҳа иаасԥырымҵӡакәа, схы ишҭагьежьуаз, исымҳәар,
исҿыҵымҟьар амуит. Мышқәак ааҵхьаны, лареи сареи
ҳанааиԥыла, уаҳа ҳәатәы ыҟамызшәа, абри ибзамыҟәыз
ахшыҩҵак насҿыҵҟьеит: «Магда, шаҟа ибнаалозеи ашәы!»
—ҳәа. Сара изысҳәаз, ашәы бшәызаргьы, быԥшӡара азеицамкит, уимоу, бара быԥшӡара иаҳагьы иагәылԥхаауеит ҳәа
акәгәышьан. Урҭ ажәа ҳаракқәа, рыршшашьа ыҟамкәа сара
иансзынха, ицәҳәӡа исҳәаз ажәақәа иаҳагьы ибзамыҟәхеит.
Раԥхьаӡа схы ианҭашәаз еиԥш, иҳәаны саналгаҵәҟьагьы,
издыргәышьеит шаҟа иҳәатәымыз. Шаҟарыла рхьаршшара
сҽазысшәазеи! Ихьасыр-шшацԥхьаӡа, иаҳагьы еицәастәуан.
Бзиарас иҟасҵаз, ианаамҭаз, сус зынӡаск ишыԥхасҭастәӡоз
анызба, сыбз схаԥыцқәа инрыбжьарӷәӷәаны сҽааныскылеит.
Убасҟан ада сазымхәыццызт, шаҟа аԥхашьара уақәнаршәо,
ухаҭа иузгәамҭаӡакәа, шаҟа уус ԥхасҭанатәуа, хгарҭа умоуа
аԥхашьара уҭанаргыло, ухшыҩ аҵкыс, уажәа анаԥысуа.
Адырхаҽны мҽышан. Буг аӡиас ацҳаҿы сызхәаԥшуаз
аԥҳәызба, исгәалашәоит, асасааирҭаҿы схала сахьыҟаз,
ауха знык аҟара дысгәалашәан, сналызхәыцит. Иара убригьы, ани ашәы шылнаало ҳәа аиҿырԥшра бзамыҟә ауп
дысгәалазыршәаз. Уаҳа дысгәалашәеит ҳәа шәасҳәар
шәызжьеит. Уи лызхәыцха сымамызт. Сыззааз аус башахар ҟалап ҳәа, цәалашәара бааԥсык соухьан. Убри анбашаха, сара саб иҟнытә исыдыз, уалԥшьак, сыԥсы ахьынӡаҭоу
исзымшәакәа исыдхалоны акәын ишысыԥхьаӡоз. Сара
саб изыҳәан иҟасҵарц исылшоз абриак акәны исшьон
саныҩеидас инаркны. Убасҟак сазхәыцхьан, уажәы инамӡар,
аҩныҟа гәарлашьа сымамкәа акәын ишызбоз. Имаҷымкәа
срыԥхьеит сызааз абааш иазкыз ашәҟәқәа. Срыԥхьеит саб
дызлаз, аибашьра ианналагаз уаҟа, абааш ахырӷәӷәарҭаҿы
игылаз, ҩынҩажәи аабатәи ахысратә дивизиа иазкны
иаасымԥыхьашәоз адокументқәа. Абри, ахымш рыҽны, еиҭах

абааш ашҟа сцарц сыӡбеит азнык азыҳәан. Аха ишымҽышаз
сгәалашәан, санеиԥхьхәыцаа, уахь ацара саҟәыҵит. Абааш
збарц зҭаху рацәаҩхоит мҽышала. Сара ишысҭаху сзеимдом.
Сцарц сыӡбеит Брест абааш ахьчаҩцәа анышә иахьамадоу
аешьаратә нышәынҭра ашҟа. Убраҟа иҵегьы сеимдап, сеимдап акәша-мыкәшагьы, издыруада машәырны...
Сыццакуамызт. Уаҳа абрахь еимдара смааиуа, сгәы касыр­
шәыртә сеимдарц азыҳәан нышәынҭрацыԥхьаӡа сааҭгылон.
Сахәаԥшуан инеимда-ааимдо. Аҳаҭгәын хаҳәк иану аҩыра
саԥхьон. Уаҟа иаҳәон анышә иамадоу ихьӡ, ижәла. Ахаҳә
шьҭазҵаз ихьӡ анушәа, мамзаргьы анышә иамадоу ибиографиа
аҟнытә уаҳа акыр аҳәозшәа, аҳаҭгәынхаҳә ашьҭахьҟалагьы
сахәаԥшуан.
Сныҟәашәа ныскылозаргьы, нкылашьа амамызт сгәы. Уи
ццакуан. Сгәаҵа иҭаз ахьамҭара иацлон. Ипатреҭқәа рыла
акәын сара саб дшыздыруаз. Ибла сҭамԥшыцызт зныкгьы.
Сан илҳәалоит, сара агара сангараз, мышқәак, аррахьтә даан,
иара сибахьан ҳәа. Уи иуаҩшьеи, иԥшреи, исахьеи ажәала
исаҳаны акәын ишыздыруаз. Сара сгәы иаанагон, амҩа саныланы сышнеиуа, џьара даасԥылар сымҩашьакәа иаразнак
дыздыруеит ҳәа. Иара убасҵәҟьа агәра ганы сыҟан, сышнеиуа, инышәынҭра снахагылар, аҩырагьы самыԥхьаӡакәа,
убраҟа саб анышә дшамадоу иаразнак издыруеит ҳәа. Араҟа
анышәынҭрақәа зегьы шеиԥшызгьы, уи, сара сзышьҭаз, иара
итәы, мдыршьа амамызт. Абри акәымзар, аа, абни, анаҩстәи
ауп, мап анакәха, хымԥада, аа, абнахьхьытәи ауп... Умыццакын, џьара акы уцәыбжьахар ҟалоит. Исцәыбжьахар ҳәа
ишәарҭамызт. Игәыԥжәагаз аҩыра зынқәамыз ракәын. Издыруада, убарҭ аҩыра зынқәам руак... Мап, ус хьӡыда-жәлада
анышә дамардомызт. Цқьа иԥшаатәуп, акакала игәаҭалатәуп.
Иахьа сахьымӡар, уаҵәы ыҟоуп...
Иҟалап, сзышьҭаз аидара сызҵанаҵоз адагьы, арсҟак
нышәынҭра неизакны ҭыԥк аҟны иахьысымбацыз, ари
иаҟароу ԥсыжырҭа сахьҭамԥшыцыз, сымч зқәымхоз еидарак саҵанаҵазар, ишакәхалак, зегь еилалан, анышәынҭрақәа
рыбжагьы сзеимымдакәа, лыгажәы хымхәак иаҟара сааԥсеит.
Уаанӡа аиҳагьы сышьи-сышьи еиқәҵо, сныҭгыла-ааҭгыло сне-

иуан. Аҩыра снамырбо, ашәҭқәа зқәыз ахаҳәқәа рҟны, ашәҭ
канӡақәа снарыха-аарыханы, аҩырақәа срыԥхьон. Аҭакәажәцәа, аҳәса, зықәрахь инеихьаз ахацәа рнышәынҭрақәа
рааигәара игылақәан. Урҭ ргәырҩа ҳаҭыр шақәсҵо дсырдырырц, среихырхәаны сҩарывсуан. Игәышԥы зегьы
аорденқәеи амедалқәеи рыла ирҭәны, алаба иҵарсны игылаз, хаҵа хахәы шлак снаидгылеит. Сцәыҵԥшны акраамҭа
сихәаԥшуан. Убри ахаҵеи сара саби еиҩызцәазшәа сгәы
иснарбеит. Дыжәдыруазма Брест ахьчарҿы иҭахаз, абригьы-абригьы аибашьҩы ҳәа сиазҵаарцгьы насыӡбеит. Аха
ахаҵа, аибашьҩы, игылашьа, иԥшышьа убас иҟан, насгьы
араҟа усеиԥш иҟоу ацәажәара убасҟак иаҭыԥмызт, ҿымҭӡакәа
сҽааныскылеит. Иӡбаны исыман, аԥсыжырҭа агәашә
данынҭыҵуа, снаишьҭаланы сынҭыҵны, схы наилагаланы
снаиацәажәард. Аха иара ирласны агәашә дынҭыҵын, ихылԥа
егьынеихеиҵеит, изыԥшны игылаз амашьына днақәтәаны
дцеит. Иахьагьы схы исзанажьуам, убри ахаҵа убасҟан сахьимацәажәаз. Иабатәи хымҩаԥгашьа бзиаз. Сиазҵаандаз иара
убраҵәҟьа. Иҟасҵоз, ицаз дысзырхынҳәуамызт. Еиҭах сеимдо сҿынасхеит. Акыр сеимдахьан. Агәашә ахь сааскьеит. Уамак шахымҵуаз мҩашьо, ашьац зхымиаацыз нышәынҭрак
снахагылеит. Ааигәа анышә иамардаз иҟны сара усс исымаз,
аха сахьашьцылахьаз аҟнытә, аҳаҭгәын ахаҳә абашьҭоушь
ҳәа саанаԥшы-ааԥшит. Уи џьаргьы иҟамызт, ашьҭаҵара
иахьымӡацызт. Анышәынҭра иахагыланы иахәаԥшуаз
аԥҳәыс слыдгылан. Лхы-лҿахьы сылҿамԥшӡеит. Ларгьы лган
сеиархашәа дгылан. Дызусҭзаалакгьы, уеизгьы, сара сзыҳәан
зегьакакәын. Араҟа сгәы каршәны сыҟан, сара уаҩ, дсыздыруамызт, уаҩгьы сиздыруамызт. Зыԥсы ҭоу уаҩгьы сишьҭамызт.
Згәышԥы чаԥаз аибашьҩы дцахьан. Сара сзызхәыцуаз,
сзышьҭаз аҳаҭгәынқәа рҿы адҩылақәа ракәын. Аԥсыуак ихьӡи
ижәлеи анны ианызбалак, сара сыжәла шакәмызгьы, аблокнот ианысҵон, уажәшьҭан, саныхынҳәлак, иҭынхацәақәак, ма
ижәлантәқәак збар ирасҳәарц.
Иџьасымшьаӡеит аԥҳәызба дызхагылаз анышәынҭра
ашәҭ ҿыцқәа ахьықәыз. Уаанӡа, егьырҭ, ашьац зхиаахьаз
анышәынҭрақәа рҟынгьы избақәахьан ашәҭ ҿыцқәа. Сара

иаразнак сылаԥш иҵашәеит, исгәалашәоит, егьааџьасшьеит
иахьҿыцыз иара, анышәынҭра ахаҭа. Убри азыҳәан мацара
акәын, схы сыкәаҽны, сеиқәшьшьы сзахагылаз. Аԥҳәызба
сылҿаԥшуамызт, ларгьы сара сахь дхьаԥшуамызт. Хәыцрак
дҭанагаланы дгылан. Даараӡа исҭаххеит, абраҟа, Брест
абааш зыхьчоз раамышьҭахь уаҩԥсы анышә дахьамадам
аԥсыжырҭаҿы, абри, уажәааигәа, аибашьра еилгеижьҭеи
абасҟак шықәса ҵхьаны, анышә иамардаз дызусҭадашь
хәа слазҵаарц. Зынгьы ус сгәы иаанагеит, иҟалоит, абааш
ахырӷәӷәарҭақәа рҿы, ма аҵаҟа аҭыҩрақәа рҿы ԥсыбаҩк
рбаны, иаарганы анышә иамардазар ҟалап, ари ихагылуо
аԥҳәызбагьы иԥҳа лакәзар ҟалоит ҳәа.
— Шәара дыжәдыруазма? — лҳәеит сганаҿ игылаз
аԥҳәызба, уажәы иаҳа сара сахь даахьаԥшны. Уаанӡа лылахь
инҭаҳауа илхаз акасгьы дааҩаахан, лхы-лҿы иаҳа иаахылтит.
Ҳалаԥшқәа ааиԥылеит. Исҳәара сақәымшәо саанхеит. Ларгьы сылдырыз џьысшьеит. Ушԥаҟало, унаиацәажәарц даараӡа
иуҭахны, акраамҭа узхәаԥшуаз ауаҩы, шәзымеицәажәаӡакәа,
шәзеибамдырӡакәа шәанеиԥырҵ, акраамҭа узызхәыцуаз,
уизхәыццыԥхьаӡа убасҟан, шәанеиқәшәаз, ухы илагалан
уахьимацәажәаз угәы ишалоу, уажәшьҭа ахаангьы ҳаиқәшәом,
ҳаицәыӡит ҳәа узызхәыцуа ауаҩ, иаалырҟьаны, реиҳа
уахьымгәыӷӡо ҭыԥк аҿы, шәеизааигәаӡаны шәнеиҿаԥшыртә,
еиҭах шәанеиқәшәалак? Иуҳәара уҿамшәо, ушанханы уаанхоит. Уԥшышьа шҽеим, ишыԥшӡам, ухахьы иаарласны иааугаргьы, акраамҭа уԥшышьа узырҽеиуам. Уажәы саназхәыцуа,
сгәы иаанагоит, усҟан лара даахьаԥшны данаасыхәаԥш, сара
сшанханы сыԥшышьа даараӡа ибзамыҟәыз ԥшышьан ҳәа.
Иахьагьы исхамышҭуа исгәалашәоит, амца насҿықәыҳәҳәын,
схаҿы зегьы шаахәацыхәаԥшьхаз. Шаҟа иаҭыԥмыз,
анаџьалбеит, шаҟагьы иаамҭамыз усеиԥш иҟаз блала
аԥҳәызба лҿаԥшрагьы, усеиԥш схы-сҿы аҟаԥшьхарагьы. Ма
уамаӡак иԥхашьаԥхаҵо аӡәы сакәхындаз, аха изыхҟьо саргьы
исыздыруам, реиҳа санымгәыӷӡо, сызцәыԥхашьаша ҳәа акгьы
ыҟаӡам ҳәа реиҳа сгәы ианаанаго, иаалырҟьаны, акраамҭа
еиқәымтәо, сбылны ацара сналагоит.

— —Сара соума шәызҿу?—сҳәеит,сара сыда уаҳадаҽаӡәы убри
аамҭазы убраҟа дгылазшәа. — Аа, ыҳы, мап, ҳаибадыруамызт,
ус, ишԥасҳәари... — ажәақәак неиласҟәаҟәеит. Ажәала аҳәара
абаҭаху, усгьы еилыбкаауеит ҳәа аанарго, схы ааларҟәны,
ашьҭаԥшра сналагеит. Иааҭынчрахеит. Даараӡа ихьанҭаз
ҭынчран. Хәыцра хәыҷқәак насызцәырҵит. Хәыцраҵәҟьангьы
акәым, исҳәақәаша ажәақәак рыԥсы ҭалеит сгәаҿы. Сара
араҟа анышә иамадоу дсыздырӡом, сара уаҩ дсыздырӡом
абри ақалақь зегьы аҟынгьы, аха сара дыздыруеит аӡәы.
Уажәшьҭа сахьыҟазаалак уи ауаҩ дысхашҭӡом. Быздыруеит
бара, бызбарцгьы сҭахны, иаха асасааирҭаҿы сбызхәыцуан.
Абарҭ ажәақәа сҳәарц сқьышә инықәххит. Убарҭ сҳәазҭгьы,
саныналҿаԥш схы-сҿы бзамыҟәханы исыԥшышьаз, уажәы
ажәала ишьақәсырӷәӷәон. Анцәа срыцҳаишьан, убасҟан
заҵәык сажәа аҵкыс сыхшыҩ аԥысгәшьеит. Лapa, хымԥада
лгәы иаанагаз, убраҟа анышә иамадаз ауаҩ хьаас дсыманы, сгәы сарцәажәом ҳәоуп. Агәҭыхагьы, ахьаагьы, ахәыцра
хьанҭагьы сыман, аха уажәы урҭ ирыцлаз закә еидараз, изакә
хьанҭараз макьана исыздыруамызт. Уажәазы еилыскаауаз,
сшьара сықәнаҟьо, ишсықәыӷәӷәоз заҵәык акәын.
— —Еилыскааит. Ибаҩхатәра бзиа избоз шәреиуазар
акәхап. Дыззымдырӡозгьы ихьӡ ҳәаны изҿырҭуан, — лҳәеит.
Арҭ ажәақәа изаҟаразаалак ҿыцрак лара лзыҳәан ишрылам
убартә иҟан. Ус дыҟан, дшыҟаз акәын илҳәоз. Сара исалҳәон
збаҩхатәра бзиа избоз ауаҩ дахьысцәыӡыз лгәы иалырсны.
Агәра ганы дыҟан, ихаҭа дысзымдыруазаргьы, хымԥада ишыздыруаз иара ибаҩхатәра. Лыбжьы каҳаны, иара зҳаҭгәын
ҳахагылаз ихаҭа иалҳәозшәа, ус нацылҵеит: — Хаҭала
дыззымдырӡоз шаҟаҩы ааиуазеи абрахь, шаҟаҩы ашәҭқәа
изааргозеи!
— —Ибаҩхатәра бзиа ирбон азыҳәан, — сҳәеит сара, уи
ауаҩы изакәытә баҩхатәраз илаз, иҟаиҵоз, дызҿыз ҳәа акгьы шысзымдырӡозгьы. Азныказыҳәан, сышьхныԥсылазшәа,
сызкыз сышанхара, мцак анҿыцәаауеиԥш ашьшьыҳәа
ианаахьшәашәа, иансхыԥсаа, уажәы саазхәаз аӡиас ҿыц
снаваӡсашәа сцалартә схи-сыԥси сареи ҳаиқәиҭхеит. Иацы
ацҳаҿ данызбаз, аҭаца лҭаца-маҭәа шылнымаалара илнаалоит
ҳәа ззысҳәаз лымаҭәа, лшәы, уажәы ас иааигәаны санахәаԥш,

ишшәыҵәҟьаз, гәырҩа дук ишлышәнаҵаз сцәа ианырыртә,
сгәаҵа иасыртә сҟалахьан.
— —Иара изыҳәан мацара шаҟаҩы неиуадаз астадион ахь, —
лҳәеит лхәыцра лҽаҭаны, — знык ампыл иара ианимԥыхьашәа,
уаҩы изимхӡомызт. Ихәмаршьа иахәаԥшырц мацара Минск
ицон аҷкәынцәа. Сара изысҳәозеи, урҭқәа сара сеиҳа шәаргьы
ижәдыруазар акәхап. — Иара изыҳәан сара, тәымуаҩык, абас
ахьсалҳәоз, иара иаҳауаны, убарҭ ажәақәа ахьиаҳауа, игәы
дырӷәӷәозшәа акәын лҳәашьа шыҟаз.
— —Ааи, ииашаҵәҟьаны ампыласҩы дуун. Уигьы баҩхатә­
ралами ишыҟоу, — сҳәеит сара. Сазымхәыцӡакәоуп уи амц
шысҳәаз. Иԥсхьоу изыҳәан абааԥсы зысҳәарыз, ҩбагьы, лара
зыгәра ганы дыҟоу иҵегьы агәра лгааит. Иҟалоит, лгәырҩа
ахҽраҿы илыхәозар. Лара лҿала исалҳәаз, уаанӡа саргьы
издыруазшәа ҟасҵеит аҟароуп. Аԥсуа ҳәсахәыҷқәа ас ашәы
ршәырҵоит рашьа, мамзаргьы ешьарала даараӡа ирзааигәоу
аӡәы данрыԥхалак. Сара агәра згеит, ари аԥҳәызбагьы ашәы
зылшәыз лашьа изоуп ҳәа. Сара ари аԥҳәызба илшәыз ашәы
дысгәаланаршәеит саб иаҳәшьа. Саб дышҭахаз ала ашәҟәы
анҳау аҽны инаркны, аибашьра анеилгагьы, ашықәсқәа
акымкәа, ҩбамкәа ианцагьы, лара ашәы шылшәыц илшәын.
Исгәалашәоит, ашәы анылшәылхуаз шаҟа цәажәатәыс иҟаз
аҩны. Иахьылшәырхызгьы зыбзоуроу, лцәа иалашәаз асаби иоуп. Аԥсуа ҵасла иахәҭамзаап зцәазтәым аԥҳәыс ашәы
лышәҵара.
Убри ампыл асҩы сара дыздыруазшәа, ибаҩхатәра ҳаҭыр
ақәызҵо среиуазшәа ахьысҳәаз, мшқәак ааҵхьаны, убри, абзиара ҟасҵоит ҳәа исҳәаз амц, исыҵымҵыр амуа, амц ахьысҳәаз
азыҳәан аминауаҭра шьҭасымҵар ҟамло сынҭагылеит.
Ҿысымҭыр сызкыдаз. Еиҭах сыхшыҩ аҵкыс, аӡаӡ зларҵаша,
сыбз аԥысра. Убри убраҟа ианысҳәаз аамҭазыҵәҟьагьы, наҟааҟ анышәынҭра ҳахьынӡахагылазгьы (аицәажәара ҳаналага,
сара наҟ сааиасны снагылеит) исҳәаз сцәымыӷхахьан. Лгәы
лырҟычаларц азыҳәан, лашьа иҩызцәа, ибаҩхатәра бзиа
избоз, мамзаргьы иҭынхацәа рацәажәара бзиа илымбакәа
дыҟам. Исуалыз уск ҟаҵаны салган, уажәшьҭа убри суал
мцла ишынасыгӡаз сыҵыҵаанӡа сцалар еиӷьын. Иҵегьы

ажәақәак лаҳәатәын, исҳәалакгьы анышә иамадоу изкхароуп, арахь сара иӡбахәҵәҟьагьы смаҳацызт. Лара иҵегьы
слыхәаԥшқәар сҭахын. Иаҳагьы еиӷьысшьон лацәажәара.
Раԥхьаӡатәи лажәақәа инадыркны, сара игәасҭеит, уи адунеихаан исмаҳацыз цәажәашьак шлымаз. Ашьҭахь, акыр
ҵхьаны, еилыскааит, сара Магда бзиа дысзырбаз ишыруакыз
лыбжьы. Лыԥшра, лсахьа, лхәыцшьа, лныҟәашьа уҳәа шаҟа
ыҟоузеи аԥҳәызба дызлаугәаԥхақәо. Сара убранӡа исыздыруамызт, убарҭ, реиҳа дугәазырԥхақәо акы ҳәа ишрыцу лыбжьы, лцәажәашьа. Сааҭгыла-ааҭгыло, егьырҭ анышәынҭрақәа
срыхәаԥшуа сҿынасхеит. Сара хьаас исыцроу, абрахь саазгаз
агәырҩа иаҳа еиҵоушәа, уажәы убри ҵәахны, лара абрахь дыззааиз азыҳәан акәушәа саргьы сзааиз, егьырҭ анышәынҭрақәа
рҿы уамак сыҽнымкыло снеиуан. Лара дсыхьӡар, данцоз днаскьазгар сҭахын. Саб изыҳәан сналацәажәап сҳәеит сыламыс
аласхәаҽырц, аха уи сналацәажәарц зысҭахыҵәҟьаз, лыбжьы
саҳаландаз ҳәа сҟалеит.
Ашоура хҽхьан. Игәырҿыхагаха ԥшахькгьы насит.
Атуристцәа равтобусқәа ирықәтәон. Изаҟаразаалак гәаҵәа
рызҭам ҳәа убарҭ атуристцәа срызгәааит сара. Урҭ ари
аешьаратә ԥсыжырҭа иахәаԥшуан ҭоурыхтә ҭыԥк еиԥш мацара иԥхьаӡаны. Аԥҳәызба сналзыԥшит.
— — Саҭоумҵан, саб. Иҟалап, уара угәы ансзынхаз убасҟан
акәзар. Анышә уахьамадоу сзыԥшаауазар, ухьӡ, ужәла
џьаракыр ианны избозар ҳәа сеимдон, арахь, анаҟә
сыблақәа ирхаҳалан, анышәынҭра ҿыц иахагылаз аԥҳәызба
слызхәыцуан. Уара усхашҭит убри аамҭазы, саб. Сара
исгәалашәоит, ухьӡ ҳәаны, суацәажәон убасҟан. Исгәалашәоит
исоуҳәақәазгьы. Аа, уара уажәақәа:
——Уи ԥсахраӡам, сыҷкәын. Ухынҳәы, уца улыцны. Уаҵәы
еиҭах уаап абрахь, сҩызцәеи сареи наӡаӡа ҳазқәаҭыԥ
ахьалаҳхыз. Сара сабаушьҭуеи. Уара иахьаауҭаху уцаларц, удгьыл уақәиҭзарц, сара сахымсӡо, зқәаҭыԥ заҵәык аанкыланы,
наӡаӡа џьарак саанхеит. Аа, дааиуеит уззыԥшу аԥҳәызба.
——Иҟасҵо ԥшӡам хымԥада. Имцы-иҵабыргы, ишакәхалак,
схала схы иадысҵаз ароль, ишынасыгӡалак инасыгӡалароуп.
Акы, лара макьана илыздыруам сара уи ауаҩ дыздыруазшәа

амц шласҳәаз, ҩбагьы, лара сара сырхылыԥхьаӡалеит иара
иҩызцәа. Слызхьамԥшӡакәа, џьара акала сгәы дасызшәа, уаҟа
дааныжьны сцоит. Ламысла, сара исуалуп ажәа гәырҟычгақәа
лаҳәара. Исыхәҭоуп аҩнынӡа лынаскьагара.
Лазҵаара сзымгәаӷьит аҽны. Шьапыла ҳаицааит ақалақь
агәҭанӡа. Еиҳарак ҳазлацәажәо Брест абааш аҭоурыхи уи
иахнагақәахьоуи ракәын. Сара еиҳарак еилыскаарц исҭахыз,
алацәажәара иахәҭамкәа, иаҭыԥымкәа избеит. Ауха асасааирҭа
«Буг» аҟны сахьышьҭаз, сԥенџьыр аартны, аԥҭақәа ԥыжәжәаны
изҵаз ажәҩан саҵаԥшуа, инарҳәы-аарҳәуа убри азҵаара
сазхәыцуан. Сара сыззааз, исыԥшаарц сзышьҭаз, азҵаарақәа
исымаз, даҽа маӡак еилысымкаар амуа инасызрыцлеит.
Срызхәыццыԥхьаӡа, урҭ азҵаарақәа акала еимаданы излеиларсу сзымдырӡо, аха џьара акала рышьхәақәа шеивҵаз
гәҩарас искуан. «Избан, убри арԥыс, ампыл асҩы, аибашьраан исабииз, уажәы, аибашьра еилгеижьҭеи абасҟак шықәса
ҵхьаны, Брест абааш ахырӷәӷәарҭа ахьчараан фырхаҵарала
иҭахаз, зыхьӡ кашәара ақәым аибашьцәа рнышәынҭраҿ днаганы, дара дырхыԥхьаӡало дзыржыз?» Егьарыла сгәы далсзаргьы, саб иҩызцәеи иареи анышә иахьамадоу, урҭ рыԥсы
ахҭынҵаны идырҳаз ахьӡ, иаргьы ирыцеиҩишошәа дахьрыважыз, дара, аибашьцәа ланарҟәуаны исыԥхьаӡеит. Аԥсҭазараҿ
дасу иара имҩахәасҭа дшану еиԥш, данԥслакгьы дасу имоуп иара иахьиаҭәоу изқәаҭыԥ. Иахьиҭыԥым дгылоуп шырҳәо
еиԥш, иахьиҭыԥым джуп ҳәагьы изырҳәар ҟалозаап ауаҩы
ҳәа схәыцуан. Аибашьра еилгеижьҭеи, иара иаамышьҭахь, уаҳа
даҽаӡәы убраҟа анышә дамарымдац. Уи аилкаара уадаҩӡам.
Анышә иамадоу иԥсра амш, анышәынҭра иаира мшхоит. Убри
аҟны мацарагьы иааԥшуеит, аԥша аԥҭа ишалахәмаруеиԥш,
ҳара ишҳалахәмаруа аԥсҭазара. Абасшәақәа схәыцуан ауха
асасааирҭаҿы сахьышьҭаз. Сгәы иаанагон адырҩаҽны, ма
адырхаҽны урҭ азҵаарақәа наҟ инасхашҭуеит ҳәа. Аха хашҭшьа
амамызт, сыззааз аус схашҭраҳа, иаргьы сыцрымҵуа ирыцлеит.
Слазҵааит Магда... Мап, пани Магдалина, избанзар усҟан,
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 06
  • Büleklär
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3267
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2161
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3271
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2108
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3269
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2110
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3131
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2175
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3330
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2088
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3365
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2128
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3286
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2227
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3331
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2321
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3210
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2324
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3293
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2119
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3221
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2117
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3292
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2326
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3399
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2284
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3360
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2286
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3312
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2259
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3301
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2194
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3279
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2266
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3327
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2274
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 19
    Süzlärneñ gomumi sanı 3319
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2320
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 20
    Süzlärneñ gomumi sanı 3328
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2244
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 21
    Süzlärneñ gomumi sanı 3373
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2167
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 22
    Süzlärneñ gomumi sanı 3378
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2234
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 23
    Süzlärneñ gomumi sanı 3395
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2263
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 24
    Süzlärneñ gomumi sanı 3328
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2222
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 25
    Süzlärneñ gomumi sanı 3348
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2223
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 26
    Süzlärneñ gomumi sanı 3322
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2184
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 27
    Süzlärneñ gomumi sanı 3241
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2149
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 28
    Süzlärneñ gomumi sanı 3286
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2226
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 29
    Süzlärneñ gomumi sanı 3337
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2041
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 30
    Süzlärneñ gomumi sanı 3341
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2012
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 31
    Süzlärneñ gomumi sanı 3303
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2106
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 32
    Süzlärneñ gomumi sanı 3375
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2108
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 33
    Süzlärneñ gomumi sanı 3391
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2245
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 34
    Süzlärneñ gomumi sanı 3314
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2125
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 35
    Süzlärneñ gomumi sanı 3309
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2050
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 36
    Süzlärneñ gomumi sanı 3332
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2028
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 37
    Süzlärneñ gomumi sanı 3258
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2147
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Ахәбатәи атом - 38
    Süzlärneñ gomumi sanı 1886
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1202