LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 32
Süzlärneñ gomumi sanı 2958
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1986
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
иџьыба иҭаҵаны ддәықәын. Нбанцыԥхьаӡа ирыхҳәааны ҩбаҩба цәаҳәа ҩтәын. Иҩтәын аԥхьара, агәалашәара, ахәыҷы
аҳәара изымарианы, насгьы ахәыҷы дарччо, дарлахҿыхуа,
дамырааԥсо, маҷк аиумор аҵаҵаны. Иҵит акыр мза. Шаҟа
дазхәыцуаз, шаҟа вариант ҟаиҵаз заҳҭахузеи. Вариантк ҟа
ҵаны даналгалак, уи ахшыҩҵак зтәыз аҵарауаҩ дылзаԥхьон.
Илгәаԥхаз, илгәамԥхаз, иахьбзиоу, иахьырҽеитәу… Аҵыхәтәан,
ларгьы илгәаԥханы, дақәшаҳаҭны иалгеит. Даҽа мзқәак ниа
сит. Асахьа бзиақәа ацҵаны, нбанцыԥхьаӡа ҩба-ҩба цәаҳәа
еихышәшәо ирыҵаҩны, иҭыҵит ашәҟәы хәыҷы. Аредакциаҿы
сахьнеиз, аҽны атипографиаҿынтәи иааигазаарын, шәҟәы
цырақәак иаԥхьа иқәын. Сшеилаҳаз аниба, макьана иҭымҵыц,
уҭара азингьы сымам, аха уанеилаҳа иумаз иҳәан, цырак
аасиркит. Ҳаԥсуа шәҟәыҩҩраҿы уи аҩыза ахьцәырымҵыцыз,
ашәҟәыԥхьара зҵауа ахәыҷқәа рзыҳәан хәы змамыз акыакәны иахьыҟаз аҟнытә, уи ашәҟәы сашьклаԥшуан, аҭирҭахь
ианнаргалак, ирацәаны иаасхәарц. Сасра уахьнымҩахыҵуа
хәыҷык даауԥылар, уџьыба иааҭыганы инаиуркуеит. Зеи
ӷьаҭам аҳамҭа. Ааамҭа акыр набжьысит, ашәҟәы ыҟам, иҟам,
ибжьаӡит.
– Абзиара ҟасҵоит сҳәан, ацәгьара шԥаҟасҵеи уара!
– иҳәеит Ҷиҷико Михаил-иԥа, иабаҟоу уи ашәҟәы, уаҩы
иабаиԥшаари ҳәа саниазҵаа. Исеиҳәеит иҟалаз. Авторцәас
иамоуп ҳәа ашәҟәы ацәаҿы иақәҩын иара, Ҷиҷико Михаилиԥеи Ҭамара Шьаҟрыл-ԥҳаи рыхьӡқәа. – Сыхьӡ шԥахуҵоз
лҳәан, мап ацәылкит, агонораргьы лымгеит. Атекст бгәамԥхо
ма, быхьӡ ланарҟәуаны иббома сҳәан, мап, ибзиоуп, аха сара
исымҩит, уара уџьабаа сара сыхьӡ шԥахысҵо лҳәеит. Ашәҟәы
ныркылеит.
– Ишԥаҟауҵагәышьо, лыхьӡ аныхны, еиҭаҭыжь, сҳәеит.
– Ус ҟаҵашьа сымам. Лара лакәымзар, ашәҟәы ахаангьы
иҟаломызт. Сара сџьабаа лара лыхьӡ ахылар лҭахым, аха
сара? Лара лџьабаа сара сыхьӡ злахысҵарызеи?! Саргьы мап
ацәыскит, – иҳәеит.
Даҽа ҿырԥштәык аазгарц сҭахуп Ҷиҷико Џьонуа их
ӡырымгара азыҳәан. Аибашьраан ихҭигақәаз ирыхҳәааны,
иагьгәаларшәагақәаны, иагьсахьаркыратә ҩымҭақәаны иҟаз
шәҟәы бзиак, «Амца дырцәоит мцала» ахьӡны иҭижьит. Ҳаԥсуа
литератураҿы имаҷым ҳәа акыр ыҟоума, аха агәалашәаратә
жанр, еиҳараӡакгьы аибашьра иазку агәалашәарақәа, даара
ӡа имаҷуп. Убри анаҩсгьы, иара ашәҟәы ахаҭа гәахәас иҟаҵа
ны уаԥхьартә иҩуп. Абарҭқәа рҟнытә, сгәаанагара кьыԥхьла
исҳәандаз сгәахәт. Исылшоз ахәыҷала астатиа зҩит. Агазеҭ
аҿы исыманы снеит. Абжаҵәҟьа агырхатәуп рҳәеит. Уи сара
исымуит. Ишԥаҟасҵоз? Ирысҭеит ажурнал «Алашарахь». Иаԥ
хьаз иргәаԥхо, еикәшо ишнеиуаз, ивсны цашьас иҟаз, ина
нагеит зышәҟәы иахҳәааз ажурнал аредактор иҿы. Аусураҿы
аҭел абжьы геит.
– Араанӡа уааишь, – иҳәеит иаахҵәаны, абжьааԥны
ихәыҷыз ибжьы маҷк инардуны.
Снеит. Иредактортә стол ҭбаа дахагылоуп. Сылаԥш нақә
шәеит иаԥхьа иқәыз сыстатиа. Инацәа нақәкны:
– Ԥшьаала ашьшьыҳәа абри аашьҭыхны иуманы уца, ҳгәы
еихшәарц уҭахымзар, – иҳәеит иаарымчны.
– Угәы иалсшаз акыр сҳәама?
– Амцхәгьы иурҽхәацәеит сышәҟәы. Аха сара исызкны са
ра редакторс сызмоу ажурнал ишанысымҵоз шԥаузымдыри?
Усеиԥш ҟаиҵару, иаҳҳәап, ажурнал «Новый мир» аредақтор
Твардовски? Иара дырҽхәаны уаҟа зныкыр уаԥхьахьоума?
– Ииашоуп, аха ҳара ҳҿы зынӡаск даҽа ҭагылазаашьак
ыҟоуп. Журнал заҵәыкоуп иҳамоу. Уи редакторс иамоу
ирҿиамҭа ахцәажәашьас иамоузеи? Уаҩы иабеикьыԥхьуеи? –
инаимаскит, иара дышиашаз шыздыруазгьы.
–Исыздыруам иахьукьыԥхьуа.Сара исыхҳәааны иҩу астатиа
сара снапы зҵаҩу ажурнал иананысҵа, астатиа ахаҭагьы сара
сыхьӡ аҵазҩыр иаҩызоуп, абри шԥаузеилымкаауеи?!
Диашан. Сыстатиа сыманы сцеит. Иркьаҿуа, ирҟәыдуа,
иагырхо, дара иахьырҭахызынӡа инаганы, искьыԥхьит агазеҭ
аҿы. Иара изкыз астатиа анымҵара мацара акәым, даҽакала
гьы иааирԥшит уи иуаҩра шаҟа иҳаракыз. Иԥсҭазаара даналҵ,
икьыԥхьымкәа иҟаз аҩымҭақәа маҷымкәа иҭынхеит. Ихала
ихы никылон акәымзар, иԥырхагадаз лассы-лассы иҩымҭақәа
икьыԥхьлар ажурнал аҿы. «Ҭәа збаз, ҭәа иҳәҳәеит» ҳәа иҟаз
уаҩымызт.
Снаизхәыцыр, сыбла даахгылоит уаҩы наӡа-ааӡак ихала
даннеиуа, ахәыцра дҭанагаланы, ибӷа маҷк иааирхәоит. Ины
ҟәашәа ҭынчуп, деилаҳәоуп дыцқьакәакәараӡа, деиқәҷаб.
Иеиқәеи икостиуми еиԥшны еиқәуп, ҟәыҷрак џьара иамам.
Мышцәгьа шьҭахьгьы аулицақәа цқьамзаргьы, иуҿаҷҷо
ицырцыруеит итуфлиқәа.
Ҽнак:
– Ԥшӡала иурхааит! Акостиум ҿыц, акостиум бзиа ушәуп,
– сҳәеит.
– Ишаасхәазоуп иуҳәаша. Усура санцо санаауа, шьҭаҵар
ҭак ашә сылслоит. Изакә шьҭаҵарҭоу сыздыруам, аус зуа
ҳәагьы дыр дсымам. Уажәааигәа снавсуаны, ашә илагылаз
аԥсшәа насеиҳәеит. Ҳааицәажәақәеит. Уаҩ еинаалак, уаҩ
еиқәҷабк уоуп, абра уаниасуа узбалоит. Сгәы иаахәоит
иушәызар, уааишь, уахәаԥшишь, изакә костиумқәоу иҳауз
убап иҳәан, ашьҭаҵарҭа сныҩнеигалеит. Исшәиҵеит. Цәгьа
исгәаԥхеит. Абни адәқьанаҿ унеи уаҵәы, иузныркылартә
расҳәоит, ига, ԥшӡала иурхааит иҳәан, абас исааирхәеит, –
дааччан инациҵеит, – уажәы ашьҭаҵарҭа аԥхьа сниасыцԥхьа
ӡа скостиум исырбалароуп.
Агәыԥшқара, асаби игәеиԥш ицқьоу агәыԥшқара! Амаҷ
иаргәырӷьо, амаҷ иахәуа апоет игәы!
Даҽа ҽнак:
– Ашәҟәыҩҩра ҳзаҟәымҵуа уасҳәап. Ҳара ашәыҟәыҩҩра
ҳалагаанӡа иаарыҩхьаз зегьы ҳаздырӡом. Ҿыцк ҳазҳәо
џьаҳшьоит, – иҳәеит.
– Ишәарҭоу хшыҩҵакуп. Унапқәа уванажьыр ауеит. «Лев
Толстои дынцәоуп, дынцәоуп иара ихазы, аха сара исҳәарц
исҭаху, сараӡә заҵәык сыда изҳәом даҽаӡәы», – иҳәеит
Твардовски. Шаҟа рҳәахьоузеи абзиабараз! Ашәҟәыҩҩра
ҟалазар аахыс ихадоу атемақәа ируакуп, аха аӡәгьы им
ҳәацызт, уара уда иҳәарангьы дыҟамызт: «Сақәӡыргьы
сақәӡааит, аха бқьышә знык сагәӡааит» ҳәа, – инаиаҭаск ит.
– Ианысыҩуаз саргьы убас сгәы иаанагон. Аха уажәааигәа
поетк иҿы саԥхьеит: «За одну улыбку твою, я отдам и
Самарканд и Бухару», еиԥшым, аха еиқәҿырҭуеит, – иҳәеит.
Дарбан поетзаалакгьы дшаргәаҟуа еиԥш, ҳәарада,
Ҷиҷико Џьонуа даргәаҟуан аҳәашьа мацара акәымкәа,
ииҳәо ахаҭагьы ҿыцзарц. Иара ихы-игәы иҭашәаз, игәаҟҵәаҟра иаликааз ахшыҩҵак даҽаӡәы иҿы ианибалак,
дагьеигәырӷьон, аха саԥхьа изиҳәарыз ҳәа шьыцра бзиала
дагьаҵашьыцуан.
Ҷиҷико Џьонуагьы ҳашәҟәыҩҩцәа ақәрахьымӡаҩцәа
дреиуоуп. Рдунеи анырыԥсах иржәшаз аӡыхь ахы ыҵнамхы
цызт ҳәа ззырҳәауа Иуа Коӷониеи, Леонти Лабахәуеи, Леуарса
Кәыҵниеи, Алықьса Лашәриеи уҳәа реиԥш иҟоу дрыдкыланы
дугозар, ҳәарада, ақәра бзиа ниҵит, аха аԥсуа иқәра иадукы
лар, уигьы дышәҟәыҩҩы қәрахьымӡоуп. Еиҳарак угәы иалс
ша, иаамҭа ашәҟәыҩҩра мацара иазикыртә аҭагылазаашьа
аниоу, икалам наимпыҵшәеит. Аинститут сналганы, амаҵура
сналагандаз ҳәа астудент дызгәаҟрымызт уи атәанчарахь
ацара дшахыццакуаз. Шаҟантә дашшуа иҳәахьаз. Шықәсыкҩышықәса ирыдымхаргьы, иниеԥынкыланы, иарада даҽакы
даҿымкәа, иаамҭа ашәҟәыҩҩра иазимкыцызт. Данқәыԥшыз
– аҵара, иҭәымҭа данааҭагыла – аибашьра, уи ашьҭахь –
амаҵура, нхашәа-нҵышәала аманшәаламра (уажәааигәа,
ақалақь ацәа ԥнаҽуеит, иҩноугьы ргәабзиара иаԥырхагоуп
ҳәа ирбганы иқәыргеит Аҟәа, Иуа Коӷониа иулицаҿы,
еицырдыруа поетк шиакәхахьазгьы, дыҭаацәаразгьы, акыр
шықәса дзыҩназ ананыра – абарак).
Ихатәы рҿиамҭа мацара акәымкәа, иџьоушьаша, иԥсҭа
заара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзыҳәан иссирха ицааиуа
иалаганы иҟан аиҭагақәагьы. Ҷиҷико Џьонуа еиҭеигаз
Пушкин иажәеинраала «Аӡын хәылԥазы» анцәа иҳәааит
сҩашьауа, аха, сгәанала, ари ажәеинраала аԥсшәахь аиҭа
гара уаҟа аҵыхәа ԥҵәоуп.
«Ашәҟәы рҵагоуп, уи ааӡагоуп», – иҳәеит Дырмит ду.
Ашәҟәы мацара акәым ирҵагоу, иааӡагоу. Ирҵагоуп, иаа
ӡагоуп ашәҟәы зҩыз иԥсҭазаарагьы. Сара саҵкыс иеиӷьны
дыздыруаз, иаҳа ихааныз ргәалашәарақәа рҳәар, ирҩыр, Ҷи
ҷико Џьонуа иԥсазаара, иуаҩра акырӡа ианаҳәоит ҳаԥсуа
ԥхьаҩы. Ҩ-ҿырԥштәы хәыҷык. Ахаҵа изыҳәан иҿырԥштәы
бзиаӡами абасеиԥш иҟоу афакт? Амаҵура ду аҿы машәыршәа
инанагаз, зыбз бааԥсыз аԥсуаки иареи ажәа еимаркит.
Даара ицәаԥҽыгаз ажәақәа иҳәеит егьи. Аамҭа бжьысит.
Ауаа рыбжьалеит. Егьи маҵурала дыӷәӷәаӡан. Ҷиҷико имуит,
динымшәеит. «Ауаа ишраҳауа аминауаҭра шьҭеиҵааит» ҳәа
изицҳаит. Изхысҳәаауа, зхатәы ҟазшьа змаз уаҩын Ҷиҷико
Џьонуа. Бруно Иасенски иҳәеит уаӷацәагьы уҩызцәагьы
реиҳа узыцәшәаша зегьы ззеиԥшу роуп ҳәа. Сгәанала, урҭ
раҵкысгьы еицәамзар еиӷьым иҟазшьадоу ауаа. Иҟазшьадоу
гәынҷыхь ажәа уеиҳәом, дуҿагылом, иуҭаххар, иахьуҭаху ухы
даурхәоит аха, рыцҳарас иҟалаз, уи уара уқәхразы уаӷацәагьы
рхы дадырхәоит. Ҷиҷико Џьонуа ихатәы ҟазшьа иман, ацәгьаабзиаҿы аӡәы ҳәа узықәгәыӷша дреиуан. Ҳлитература зын
иахьоу агәаҟрақәа, амыҟәмабарақәа азымхозшәа, абри
аҩыза арыцҳарақәагьы азыҟалахьеит: рыҳәса ирхараны,
аӡәырҩы ҳашәҟәыҩҩцәа рнапҩымҭақәа ыӡит. Аибашьра иҭа
хаз ԥсуа поетк иԥҳәыс илҳәаз сымшынҵа ианысҵеит.
– Аибашьра дахьыҟаз ихатәы ҩымҭақәа ааиҭиуан. Иаҳ
ҳәап, урҭ бмоуӡеит. Ибмоуӡеит еиҭаганы иааишьҭқәазгьы. Аха
иабаҟоу данцоз иаанхаз инапҩымҭақәа? – сналазҵааит.
– Ачамадан иҭаҵаны иҵәахит данцоз, – лҳәеит сахьлазҵааз
шылцәымыӷхаз лныԥшуа.
– Иабаҟоу ачамадан, сҭаԥшыр ҟалару?
– Уаҟа акгьы ҭаӡам. Аамҭақәа цәгьан, амлакра ыҟан… –
хырқьиарак дналагеит. Илсырҳәеит иҟалаз. Анапҩымҭақәа
нҭыхны, ақыҭантә афатә алаалгеит ачамадан. Напыла иҩыз,
машьынкала икьыԥхьыз ақьаадқәа еиԥхьытта ана-ара
иқәжьын.
– Амца алеиқәаҳҵон, – инаԥишьит игәалашәартә иҩеи
дасхьаз иҷкәын.
– Уи збо сыҟамызт, – лҳәеит, леилымгара иахҟьаны, зхаҵа
изыҳәан иреиҳаз ацәгьара ҟазҵаз аԥҳәыс. «Афашистцәа
дыршьит уи цәала-жьыла, бара дыбшьит гәыла-ԥсыла», –
сҳәеит сгәанала. Усеиԥш иҟоу рышҟа иурхар ауеит Леуарса
Кәыҵниа: «Уи еиԥш иҟоу амдыр даҳшьуама» ҳәа ииҳәаз.
Аҵла духаны, иџарџаруа иҩеирц азыҳәан, иазхом адгьыл
мацара. Уи иаҭахуп ажәҩан қьиагьы. Ашәҟәыҩҩцәа
рбаҩхатәра мацара азхом алитература аҿиаразы.
Абаҩхатәра иаҭаху, зыда ԥсҭазаара амам «аҵаргәақәа»
шьарда ирацәоуп. Убарҭ ируакуп ашәҟәыҩҩы иҭаацәа,
иҩны иҩныҵҟатәи иԥсҭазаара. «Сыԥшәма лакәмызҭгьы,
иҟасҵаз абжакгьы сзыҟаҵомызт» ҳәа иҩуан Дырмит
Гәлиа, иԥшәма Елена Андреи-иԥҳа лзыҳәан. Агәаҟра
ацума, агәырӷьара ацума, ишыҟазаалак, абри уаҵаз ҳәа
ашәҟәыҩҩы аԥсабара ианинаҭа абаҩхатәра, ламыс
имазар, ибаҩхатәра ҳцәимырӡааит. Ихаҭа мацара иакәым.
Уи ибаҩхатәра азыҳәан аҭакԥхықәра рыдуп изааигәоугьы,
аҭакԥхықәра шрыду еиԥш ацҳаражәҳәаҩ дрыхьчарц ицыр
ҵаз. Изхысҳәаауа, Ҷиҷико Џьонуа иԥшәма Цабу Киут-ԥҳа
лоуп. Аибашьра хлымӡаах инаркны, иԥсҭазаараҿы акыр
амыҟәмабарақәа ихигеит. Агәыԥжәарақәа дрықәшәеит,
аха иҩны аҩныҵҟа ҭыӡшәа змоуӡац дреиуан. Иԥшәма
лысасдкылара, лчеиџьыка, лҟазшьа бзиа мацараз акәым
изысҳәо. Уи илдыруан лхаҵа дызҿыз аус жәлары ишырусыз.
«Адәқьан ашә ахьҿоу издырӡом» ҳәа ихлафуан иҩызцәа.
Иԥсҭазаара даналҵгьы, иԥшәма инапҩымҭа бӷьыцк заҵа
илмырӡрыз, ихҩылаауа, иахкьыԥхьаауа, аблаҷыц еиԥш
ауп ишылхьчо, дышрыхӡыӡаауа. Ҳлеихырхәаны иҭабуп ҳәа
лаҳәатәуп убри азыҳәан.
Иҭабуп ҳәа азаҳҳәап аԥсуа дгьылгьы, ҳбызшәеи ҳа
ламыси еихазҳауа ахьахылҵуа азыҳәан. Убас иҟақәаз
дыруаӡәкын Ҷиҷико Џьонуа.
1982
АУАҨИ АӶБЕИ
(Константин Симонов изы)
Уи ауаҩ дуи уи аӷбеи рыԥсы анҭаз аҵкыс, рыԥсҭазаара
ианалҵ схы-сгәаҿы иаҳа рҽеимардеит. Ҵаны уи ауаҩ адәы
данықәыз, аӷбагьы аԥсы ҭаны амшын ианхыз, убасҟангьы
ашәҟәыҩҩи аӷбеи еидкылауа, иқәыԥшыз еиҿырԥшрақәак
схаҿы иааиқәахьан. Иара сицны аамҭа кьаҿк азыҳәан,
убри аӷба сҭан. Убасҟаноуп схы ианааҭашәаз ашәҟәыҩҩи
аӷбеи реиҿырԥшра. Раԥхьаӡа «Адмирал Нахимов» сшьапы
анҭасыргылоз, иара сахьицыз аҟнытә, ашьҭахь, аҩынтә раан,
иара убри аӷба сҭаланы, Крымҟа санцоз, гәалашәарақәак
ааидыскылартә, акаиутаҿы схала санаанха, раԥхьаӡа иара
даасгәалашәеит, убасшәақәагьы гәаанагарақәак сызцәырҵит.
Ашәҟәыҩҩцәа рымацара ракәым, иахьеиԥшқәоу ыҟоуп ауаа
ҟәыӷақәеи аӷбақәеи. Аӷба еиманадоит ажәларқәа, атәылақәа,
аконтинентқәа. Ашәҟәыҩҩцәа… Ауаа ҟәыӷақәа. Ҳазхьаԥшып
ажәытәра, ҳнаԥшып ҳаԥхьаҟа. Аԥсуаа ажәытәан, уаҩы иџьеи
шьаша, узырхәыцша ҵаск рыман. Ақыҭа рҳәны инеиуаз
ақәылаҩцәа данрыхьӡалак жәлар рфырхаҵа, ианынирҵәалак,
уеизгьы-уеизгьы шәаџьҳәара зушаз аӡәы дынижьуан. Убри
иаҩызоуп ашәҟәыҩҩра. Иҭахаз, ииаӡааз иршәаџьҳәаҩуп, зыԥ
сы ҭоу ирӡыргагоуп, рыбзарӡы еиҭаҳәагоуп, еимадагоуп.
Иаасгәалашәеит. Ашьхеи агеи иахьырзеиԥшу, абна еиха
шьшьыра иҭалаҳа ишьҭоу сқыҭа гәакьа Аҭара, ашкол ашҭаҿы
еизеит анхацәа, арҵаҩцәа, аҵаҩцәа. Аҟәантәи инеит ашә
ҟәыҩҩцәа. Убарҭ дрылан уи ауаҩгьы. Ажәа ирҭеит. Дцәа
жәоит анбан «р» ырхәанчауа. Далацәажәоит аӡәырҩы иаҳ
гәаламшәаӡо, аибашьра ҟалаанӡатәи аамҭа, дилацәажәоит
аӡәырҩы ҳазхааным апоет, Аҭара ииз, Аҭара иааӡаз Леуарса
Кәыҵниа. Урҭ еиҩызцәан, аинститут еицҭан. Мҩакы еицы
қәын – апоезиа ду ахь амҩа. Ианаҭахха, ҩ-бџьарк еицыркит
– акалами абџьар иашаҵәҟьеи. Леуарса ихы ақәиҵеит
иԥсадгьыл, иара дхынҳәит. Иҭахаз изымҳәаз, дызхьымӡаз,
исылшо ала, сара аҳәара суалԥшьан избоит, уи иҿаԥхьа уалк
сыдны схы сыԥхьаӡоит ҳәа иажәа нагӡо, инациҵоит ҳаԥсуа
поет иҟазшьаз, иуаҩышьаз, изакә баҩхатәра дууз илаз.
Ҳаизааигәаитәуеит уи ауаҩи ҳареи, ҳамеидоит уи аамҭеи
ҳареи.
Аӷба неиуеит амшын ихышьшьыла. Исгәалашәоит уи ауаҩ
даҽа аԥсуа поетк дихцәажәо ахьсаҳаз.
Кәтол ақыҭан. Ҳауаҩра, ҳаламыс, ҳабзиара акыр рҽыҵәах
ны иҟазар, ирҿыханы, ирыцқьаны, иаҳа иҳаракны, иара
ихаҭа иаалырҟьаны даҳԥырҵит, ҳҿахәы зҳәараны иҟаз
поет ссирк. Уи апоет изыҳәан ажәа анирҭалак, уи ауаҩ ду
иажәа иналаиҵоит бзанҵык иаҳхамышҭыша ажәа ҟәыӷа:
«Ишәыхьчала апоетцәа, урҭ ргәы ахәра анҵара мариоуп, урҭ
асабицәа иахьреиԥшқәоу рацәоуп. Алиоша Лашәриа аԥсуа
поезиа мацара акәӡам, уи асовет поезиа зегьы даԥхеит».
Абри ауаҩ абас дахьызбақәахьаз, нас иажәақәа сгәаларшәо
сшааиуаз, хьааны исызцәырҵуеит убасҟан, данызбаҵәҟьаз,
иажәақәа ансаҳаҵәҟьаз аҽны ақьаад иахьанысымҵаз. Хара
сызцарызеи, мзқәак раԥхьа акәӡами, аа, абри аӷбаҿы сицны
саныҟаз, нас убри анҵатәӡами.
…Акалам аашьҭысхит.
Шаҟа санаҳәазеи уажәы, жәаҩа шықәса анҵы ашьҭахь уи
анҵамҭа. Абраҟа иаазгоит ишаанысҵаҵәҟьаз.
«Октиабр 2, 1974 шықәсазы, абыржәы сақәтәаны Иалтаҟа
сызлацо аӷба «Адмирал Нахимов» сҭан. Гәыԥҩык аԥсуа
шәҟәыҩҩцәа ҳицын Константин Симонов. Уи амардуан да
ҿалаанӡагьы, адәахьы идәылҵны иԥылеит аӷба аԥсҟы зку.
Ашьҭахь реицәажәарақәа раан исаҳауан урҭ уи ашәҟәыҩҩ
ихаҭа изыҳәан, иҩымҭақәа рзыҳәан ирҳәақәоз. Зегьыҵәҟьа
сыздыруам, аха иҩымҭақәа иаарылыҳәҳәақәо, ҳәарада,
ирыԥхьахьан. Аԥсуа қыҭақәа, ма араионқәа рҿы изныкымкәа
избақәахьеит ашәҟәыҩҩцәа ирԥылауа. Асасдкылара иахәҭоу
зегьы ҟарҵоит, аха ашәҟәыҩҩгьы игәы ҭәны дцом, избанзар уи
иаҳауам реиҳа дыззыԥшу «аԥсшәа» – ишаԥхьаз, ишырдыруа
иҩымҭақәа, иџьабаа баша ӡҭахысрак ишаҩызам, аус шауа
иажәа. Саргьы исгәаласыршәон Константин Михаил-иԥа
иҩымҭақәа, сазхәыцуан ифырхаҵоу уи ибиографиа. Шаҟа
ииашаны иҳәазеи Иуа Коӷониа иперсонаж изыҳәан, «дхаҵа
ӷьеҩын» иаамҭала ҳәа. Уи, агарҵра иахьымӡаз апоет-агении
гәныхәҵысҭала еиликаахьан ауаҩы ифырхаҵара шәашьазашьа шузамҭо иаамҭа данадумҳәала. К. М. Симонов иаамҭа
бзианы идырны, иара иуаҩра уаназхәыцлак, ҳәарада, уаԥхьа
ицәырҵуеит уаҩ дук ихаҿсахьа. Иҟалап, абасеиԥш иҟоу ауаа
ракәзар изыбзоуроу зынӡаск аиааира ахьамгац ацәгьара, амц.
Иҟоуп аԥаҩ ҳаракы, аԥаҩ ӷәӷәа иаҩызоу ауаа. Аԥаҩ ӷәӷәа, аԥаҩ
ҳаракы акәымзар, адгьыл иахатәон аӡы хәашь, ишынеибакәу
зегьы ӡаанарҟәрылон, иахәаҽуан. Иҟалагәышьоит урҭ аԥаҩ
қәагьы аӡыхәашь анрызнымкыло. Аха уи аамҭалоуп. Убас,
аӡы анырацәахалак аӡиасқәа рԥаҩқәа ишырхыҵуа еиԥш,
аҭоурых аҿы иҟалақәахьеит мцык зегьы амҽханакуа, зегьы
аланакуа. Аха убасҟангьы, аӡиасқәа рԥаҩқәа ианырхыҵлак,
ахра ҳаракқәа, ахра еилаԥахқәа гылоуп рҽыҭҳәа, аӡыхәашь
ргәыдыҽҽало, изырхымҵәо. Убасоуп амц ҳшацәихьчо ауаҩԥс
бзиа, ауаҩԥс ҟәыӷа ду. Аҳарамра, аԥсахра, амаҳагьара уи ауаҩ
ианиаахалак, инеидхәашалоит, урҭ рҭыԥан ицрыҵуа абзиара,
алашара, аԥхарра, ауаҩра ҳара ҳашҟа аҿаанахоит. Убасеиԥш
иҟоу ауаҩ еиҳарак дыӷәӷәахоит, иқәԥараҿы ажәҩахыр ӷәӷәа
қәа ианрықәиклак инапы. Уи уантәи иоуеит амч, Антеи имч
шилалоз еиԥш адгьыл данахькьыслак. Абри азыҳәан акәзар
Константин Симонов зхаҭара ӷәӷәаз ауаа... Еиӷьуп сиазҵаар.
Ианааманшәалаха:
– Константин Михаил-иԥа, амаршал Жуков изыҳәан
ишәҩыз даараӡа исгәаԥханы саԥхьеит. Амала, убасшәақәа
агәаанагара сзыннажьит, ишәкьыԥхьыз, мамзаргьы ишәҩыз
фрагментқәак ракәны, уи азыҳәан ишәдыруаз нагӡаны
ишәымҳәазшәа…
– Уи ар рԥыза ду ибиографиа макьана цқьа иҭҵаам. Сара
сиацәажәаны ианысҵақәаз, хәбаҟа кьыԥхь бӷьыц ыҟоуп. Уара,
ашәҟәыҩҩы қәыԥш, аус уулароуп убасеиԥш, узхаану, ина
лукааша ауаа, руси рхәыцреи аҭоурых иазынхартә еиԥш. Убри
уашьҭаз…
– Иҭабуп, Константин Михаил-иԥа, уажәшьҭа еиҳа еилыс
кааит Твардовски изыҳәангьы изышәҩыз…
– Твардовски дпоет дуун, дегьуаҩ дуун…
– Убраҟа, Твардовски изыҳәан ишәҩыз аҿы, Аԥсны
аӡбахә ибзианы шәалацәажәоит, иҭабуп ҳәа шәасҳәоит.
Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит Твардовски изыҳәан убасеиԥш ажәа
қәа ахьышәҳәаз азыҳәангьы. Ауаҩы игәы иахәоит, бзиа иибо
рыбзарӡы анеибаҳәо. Уи сара бзиа избо апоетцәа дреиуоуп.
– Иара ихаҭа дудыруазу?
– Зны, санстудентыз, Переделкино иԥсы ишьон Баграт
Шьынқәба, ибара сахьнеиз ҳаибадырит, разҟыс исоуит ашь
ҭахьгьы иацәажәарақәа.
– Уажәраанӡа ҳазлацәажәоз Жуков изыҳәан еиԥш,
Твардовски изыҳәангьы анҵамҭақәа рацәаны исымоуп. Аха
урҭ зегьы уажәазы иаҭахым. Ссирк ахылҿиааит убри изҩыз.
Уаҟа тиотиа Паша ҳәа аӡәы лыӡбахә сҳәоит. Убри тиотиа
Паша уажәааигәа Агәыӡера сдачаҿы днеит. Ашәҭқәа сылҭеит,
«иҭабуп, устатиаҿы сыӡбахә ахьуҳәаз» лҳәеит, аха уи иахҟьа
ны лара аус дақәшәазаап. Ашколхәыҷқәа, аԥсшьаҩцәа неи
ны лазҵаара иалагеит, иарбан уадаз Твардовски дахьыҩназ,
иарбан каруаҭыз дахьыцәаз, иабагылоу дызхатәаз астол
ҳәа, нас дыхҭаркуазаап иӡбахә ралҳәаларц. Уара иуҩыз
аамышьҭахь, уи апоет ду сара сҿы дшыҩназ атәы зҳәо, иза
кәызаалак акгьы сызнымхеит лҳәеит тиотиа Паша. Ишԥа
ҟасҵоз. Иреиӷьу ршаҳаҭгоуп сҳәан, фотографиак лысҭеит. Уа
ҟа Твардовски аԥенџьыр дылатәаны «Литературнаиа газета»
даԥхьоит, аԥенџьыр аҵаҟа, адәахьы Баграт Шьынқәбеи са
реи ҳаидгылоуп. Тиотиа Паша дгәырӷьаҵәа инеилак убри
афотографиа длырбоит. Уара уазҵааит, Твардовски изыҳәан
изҩыз иацысҵома ҳәа. Иара изыҳәан сара анҵамҭақәа исымоу
рҭыжьра усым, иҭыҵындаз иара ихаҭа иҩымҭақәа. Убри
ауп аус злоу. Уажәааигәа исаҳаит Дырмит Гәлиа иҩымҭақәа
аԥсышәала иахьа уажәгьы академиатә ҭыжьра шырмоуц.
О, уи даараӡа иԥхашьароуп. Аԥсуаа шәаҟара аиҳабы пату
иқәызҵода, аха араҟа… – иҵегьы акы иҳәақәарц иҭахын, аха
убри аамҭазы:
– Твардовски иԥсы ҭазҭгьы, шәара шәеиԥш, уигьы,
Асоциалисттә џьа афырхаҵа ҳәа ахьӡ ихырҵон, – иҳәеит аӷба
аԥсҟы зкыз рахьтә аӡәы. Уи, аус аҵкыс, ахьӡ-аԥша иазхәыцра
иахҟьаны, иааиԥиҟьеит Симонов Гәлиа изыҳәан иҳәарц
дназлагаз.
– Твардовски аҵыхәтәантәи аамҭазы чымазарала даараӡа
дгәаҟит. Аус злоу ахьӡхҵарақәеи аҳамҭақәеи ракәым. Урҭ зегьы
ауаҩы данԥсуа иԥсуа роуп. Иаанхоит иҩымҭақәа. Иҩымҭақәа
рыла, ҳара ҳаамҭазы, аурыс поезиаҿы Твардовски ивагылаша
даараӡа дмаҷуп. Ашәҟәыҩҩы ихаҭагьы ирҿиарагьы усс
иарбану ирыду? Ауаҩра ахьчара, аиаша азықәԥара. Твардовски
зхатәы принцип змаз аӡәы иакәын. Иҩымҭақәа рыла мацара
акәым, ихаҭарагьы, иуаҩрагьы иҟанаҵон алитература, – иажәа
аахиркәшеит Константин Михаил-иԥа. Убри аамҭазы схаҿы
еиҭа иаацәырҵит аԥаҩ асахьа. Еиҭа исҳәеит сгәанала: «Аԥаҩ
иннакылоит аӡыхәашь. Аха изаҵәымзароуп, сара заҵәык соуп
амҳәароуп аԥаҩ ахаҭагьы. Иаргьы зырӷәӷәаша ашьҭахьҟа,
анаҩсҟа, еиҳазаргьы, еиҵазаргьы иҵегьы хра еилаԥахрақәак
гылазароуп. Убас еизыҟан уажәы ицәажәоз ашәҟәыҩҩы
зыӡбахә иҳәози иареи. Ах, анаџьалбеит, шаҟа шьыцра бзиала
узҵашьыцша, шаҟа узҿыԥшыша ҿырԥштәы бзиоузеи!»
Абраҟа инҵәоит абри анҵамҭа хәыҷы, ишысҳәаз еиԥш,
жәаҩа шықәса уажәаԥхьа аӷба «Адмирал Нахимов» акаиута
ҿы стәаны, сыблокнот ианысҵаз. Уажәы уи анҵамҭа сахәаԥш
уеит. Саԥхьа иқәуп Константин Симонов инапы ақәыҩны зны
исзааиҭиз иажәеинраалақәа реизга ашәҟәы. Уаҟа иақәҩуп:
«Дорогому Джума Ахуба на добрую на память от автора»,
– ҳәа, нас иануп еицырдыруа иавтограф. Уи сара иҵәахны
исымоуп шәҟәы ԥшьак еиԥш.
Даҽа гәалашәара хәыҷы. Уи ашәҟәыҩҩы идҳәалоуп, амала,
акырынтә сазхәыцит, слакҩакит исҳәару исымҳәару ҳәа. Сара
уамак исзеиӷьымзаргьы, иара изыҳәан абзиа ахьаҳәо аҟнытә…
Ашәҟәыҩҩцәа Реидгылаҿы аусура салагеижьҭеи шықәсыкгьы
мҵыцызт. Сгәы иаанагон, сажәа акыр ахьаԥхылнадо, Аԥсны
аҩныҵҟа аума, анҭыҵ аҭыжьырҭаҿоумаиахьаасылшо, хар
змам ашәҟәыҩҩцәа срыцхраалап, убри ала сыхәҭак алазгалап
ҳлитература гәакьа аӡыргара, ахьӡ-аԥша аҭыгара ҳәа. Ашьҭахь,
ашықәсқәа аныбжьыс, иаҳа сыҽныскылан, исылшозгьы
рыгыжьра салагеит. Изҭахыда аӷацәа умазар. Изхысҳәаауа,
ҩымҭа бзиак збар, аԥхьаҩ ишҟа анагаразы исылшо зегьы
ҟасҵароуп ҳәа санхәыцуаз, ашәҟәыҩҩцәа реидгылаҿы
инанагеит ԥҳәыск лнапҩымҭа. Шәагаала иҟаларын ҩажәаҩажәихәба рҟынӡа кьыԥхь бӷьыц. Ҵакылагьы роман дук
алан. Лара, автор лхаҭа, ааӡаб зхызгахьаз аӡәы лакәын. Убри
атәоуп илҩызгьы. Санаԥхьа, иаҳәоз афакттә материал убасҟак
исгәаԥхеит, иааҟәымҵӡакәа схы-сгәы иҭагьежьуан. Аҭыжьра
азыҳәан иазхомызт аредактор инапы. Ашәҟәыҩҩы днатәаны
иаахиҩылаар акәын, уаҳа ԥсыхәа амамызт. Аурыс бызшәала
усеиԥш ҟазҵашаз Аԥсны аӡәгьы дсыздыруамызт. Сышхәыцуаз,
даасгәалашәеит Симонов. Исгәалашәеит уи зны, иԥылараан,
Алитературатә институт аҿы астудентцәа иҳаиҳәаз. Иҩымҭак
азыҳәан факттә материалқәак иҭахызаарын. Диҿцәажәарц
иӡбеит генералк. Адиктофон рыгәҭа инадыргылан, аицәа
жәара, мап, ацәажәара далаиргеит агенерал. Шаҟаамҭа дцәа
жәоз заҳҭахузеи. Даналга, ицәажәара ақьаад ахь иниал
геит астенографистка, амашинистка инахылкьыԥхьааит.
Ашәҟәыҩҩы астилистика аганахьала инапы иааҵихит.
Агенерал ишимуаз, уара ухы иаурхәарцоуп изысҳәаз шиҳәоз,
Симонов иредакциала ҳәа нанҵаны, авторс агенерал днаҭан,
хәышә даҟьа инарзынаԥшуаз агәалашәара хазы шәҟәны
иҭыҵит. Ишысҳәаз еиԥш, абри аҩыза афакт астудентцәа
иҳаиҳәахьан Константин Михаил-иԥа. Акыр зыҩуа исылшо
рыгсмыжьып ҳәа схәыцра аригьы анацла, исгәаӷьит. Ухшыҩ
аҵкыс умч аниааиуа иумгәаӷьуа иҟоузеи! Анапҩымҭа
иазкны, ихьӡала инеиҵыхны ашәҟәы зҩит. Анапҩымҭа зтәыз
дыздыруаз аҳа уи диздыруамызт идызгалаз (арекомендациа)
ҟазҵазгьы. Аԥҳәыс бырг, ԥара-шьаралагьы инанамгаз
лыҟәрышьқәа ааизганы, днықәланы дцеит Москваҟа. Днеит
дышиашаз иҩны. Ишәгәаламшәои, Абаҭаа Беслан иԥхыӡ иалаз
лҿы иажәа еиҭалҳәарц аҭакәажә днаишьҭырц иӡбуеит. Нана,
сара уи лышҟа сназышьҭуада анылҳәа, «быбжьы ҩҭгашәа
саанықәны бнеихар, хымԥада бнарышьҭышт» иҳәоит. Уи агәра
ганы дыҟан, иара иеиԥш, ларгьы ԥхыӡ дылбахьеит ҳәа. Уаҟа
дегьымҩашьеит. Араҟа, сара сус аҿы, хымԥада аус руит иара,
Симонов, бзиа иахьибоз, хатәы ҩнык еиԥш иахьиԥхьаӡоз
Аԥсны, уи атәылаҿацә аҟнытә инеиз ашәҟәы хамҵгылашьа
имамызт, ҩбагьы, сысалам шәҟәаҿы иааркьаҿны иаҳәон
анапҩымҭа уаҩы иааџьеишьаша афакттә материал шагәылаз.
Дидикылеит иҩны. Акраамҭа еицәажәон. Данцоз Аԥсныҟа,
банбахынҳәуеи ҳәа данлазҵаа, уахаҵәҟьагьы сцон, аха сцага
сымам, харантә издыруа џьоукы срықәгәыӷуеит исырҭап ҳәа,
ишаасоулак, сцоит анылҳәа, Константин Михаил-иԥа шә-мааҭк
аԥара лиҭеит. «Аԥсуа шәҟәыҩҩцәа ибзианы дшәыхцәажәон,
уара узыҳәангьы ажәа бзиақәа иҳәеит, асаламгьы узааиҭиит»,
– лҳәеит аԥҳәыс, лнапҩымҭа изныжьны дшаахынҳәыҵәҟьаз
сара сҿы днеины. Уи, ҳәарада, еиликааит, ашәҟәы изыҩра,
ауаҩы дахьизынасышьҭыз сыгәаӷьра зыхҟьақәаз, аха аҟәыӷа
еснагь доуҟәыӷахым, иқьиара зехьынџьара иаумааԥшыхәа,
СССР ашәҟәыҩҩцәа реидгыла иалоу, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа
реидгыла аконсультант ҳәа, изажәӡа изҵаҩыз ашәҟәы автор
длаимырҟәит, дааԥышәырччазар акәхап, аха сидыруазшәа
ҟаиҵеит. Ашьҭахь, акыр шықәса ҵхьаны, ҳанеибадыр, ари
афакт сара исҳәа акәым, иара игәалашәаны, дызусҭада ҳәа
дазҵаар ҳәа сшәон.
Изыхьӡузеи аамҭа цоит? Амшқәа, амзақәа, ашықәсқәа
рҽахьеиҭнырԥсахло азыҳәан мацароума аамҭа цоит ҳәа
зырҳәо? Иубахьаз, узацәажәахьаз, узхаану «аԥаҩ-уаа» рыԥс
ҭазаара ианалҵлак, Баграт Шьынқәба иҳәан еиԥш, рыбжьқәа
харантә иааҩуа ианалагалак, иацы иҿыцныҟәаз асаби, иахьа
имышәхәы анамихлак…
Еиҭах сгәы иаланы сназхәыцит, даазбацыԥхьаӡа уи ауаҩ
иааиҳәоз зегьы ақьаад иахьанысымҵоз. Шаҟа сгәы иалоузеи
ақьаад иахьанысымҵоз убри аӷба, хатәы ҩнык аҟны еиԥш,
ашара сахьаԥылахьаз, асамықьҭанаҿы изныкымкәа амузыка
сахьазыӡырҩхьаз, иара азыҳәан убасҟан сгәы иааҭашәаз,
изеиԥшроу ҳәа исзышьақәгылаз «ахаҿсахьа». Дыҟам уи ауаҩ,
иҟам уи аӷбагьы. Ауаҩы иеиԥш, аӷбагьы иамоуп аҿҳәара,
иҟоуп аџьал. Ауаа реиԥш, аӷбақәагьы ҭахоит машәырла,
џьоукы фырхаҵарыла, џьоукы амшын инхыҵуеит рыҿҳәара
анааилак. Еиԥшым рымҩақәа анҵәашьа. Ахаҭа ҭахазаргьы,
даҽа хшыҩрҵарак, даҽа урокк ҳазныжьны ицеит «Адмирал
Нахимов». Ауаа иаҳдыруазарц ауаҩы иаҵкыс еиҳау
ҳара ҳзыҳәан ишыҟам даҽакы. Ауаҩы дзыԥсоу анаҳхашҭ,
иҵааҟәрылоит ҳразҟыӷба. Уи аӷба амашәыр бааԥс ианақәшәа,
иҭахаз аныҟәаҩцәа ҭахагәышьеит, аха иаанхаз реиқәырхаразы
изакә фырхаҵароузеи иаадырԥшыз асовет уаа.
Изҿыз аусқәа рылоума, рцашьа алоума, ирҭынхаз ауахҭа
алоума, иахьеихькьысуа рацәаны, уи ауаҩ дуи аӷба дуи сара
схы-сгәаҿы иаанхеит, рылшарақәа хеибарҭәаауа, аҵх иалԥхо
ҩ-еҵәак иреиԥшха.
1986

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
- Büleklär
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3422Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23270.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3424Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23180.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3457Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23760.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3416Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24750.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3405Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23710.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3473Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23150.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3441Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24240.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3410Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23120.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3368Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23750.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3363Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22650.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3437Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23160.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 12Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3332Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22780.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 13Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3379Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23400.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 14Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3316Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22940.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 15Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3375Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23360.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 16Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3413Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23630.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 17Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3378Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21310.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 18Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3368Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23460.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 19Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3361Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22940.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 20Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3385Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23780.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 21Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3046Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21530.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 22Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3962Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20100.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 23Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 4058Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19630.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 24Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 4032Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20700.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 25Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 4407Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20820.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 26Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 4378Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22230.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 27Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 4049Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23200.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 28Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3350Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23360.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 29Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3323Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23120.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 30Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3372Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23150.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 31Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3345Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22630.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 32Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 2958Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19860.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.