LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 31
Süzlärneñ gomumi sanı 3345
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2263
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
ны акәын. Ҳара ҳаннеи, узрылымсуа, ауаа еизахьан.
«Дышԥаҟоу? Ирҳәозеи?»
«Ажәак изҳәом. Иҿы акит».
Ауаа еилауаҭыруан, џьоукгьы рылабжышқәа арыцқьара
иалагахьан. Еиҳарак аҿар, астудентцәа ауха уаҟа идыршеит.
Дгәаҟуан.
Иамуит, еиҭах шарԥы-еҵәак ацәкыдшәеит ҳлитература,
ҳкультура зегьы. Иԥсҭазаара далҵит апрель ҩажәи жәаба
рзы. Ииашаны ирҳәоит аҵеи дыцәгьахар иани иаби дыртәуп,
дыбзиахар ажәлар зегьы дырҵеиуп ҳәа. Уи шаҟа жәлары
зегьы ргәы далсыз аазырԥшуа факт заҵәык. Дыкҿан ақалақь
Совет анаҩс, уажәы ажурналистцәа рыклуб ахьыҟоу. Аԥсыжра
аҽны бзиала ҳәа иарҳәарц иааиз ауаа рҵыхәа Аԥсуа музеи
уахьынахысуа иҟан. Уаҳа изымнеиӡакәа, аԥсы ишьҭыхра
иаамҭахеит.
Имҳәакәа савсыр гәнаҳароуп даҽакы. Усҟан Аҟәа ана
ҟа-араҟа иубалон амҩақәа рҿықәқәа рҿы итәалоз аҳәыр
кьиҩцәа. Ԥсабарала ишарамшақәазгьы ыҟазар акәхарын,
аха ҳара ҳабиԥара ргәалашәараҿы аибашьра аинвалидцәа
ракәноуп ишаанхаз. Аԥсы дахькҿаз дааҩналеит убас иҟаз
ччиа-ҳәыркьиҩык. Иҩыҵра иаҵаргәоуп лабак, даҽа лабак икуп
егьи инапала. Аныҟәара убасҟак ицәыцәгьоуп, зны иаԥхьаҟа
инхьаирнаауеит ихәамц, нас ишьапқәа наицирҳәазоит.
Игәышԥы инахьысуеит ижакьа. Еихьыжәеикәыжәуп иааишәу
зегьы. Иҩыҵра иаҵарсыз алаба иадгәаланы икын ашәҭқәа.
Аԥсы дааихагылеит. Ашәҭқәа наиваиҵеит. Ихылԥа наихыхны
аԥсы илахь иџьымшь ӡатәуа, ус ҿааиҭит:
– Уахраҭ бзиахааит. Избан, сара сшыҟаз, уара узыццакызеи
уахь?! – ҳицхраан адәахьы дындәылаҳгеит. Ихылԥа хьыжә
кәыжә ала иӡамҩа иахьыкәкәоз алабжышқәа рыцқьо,
иажәа инациҵеит. – Шаҟантә аԥара сиҭахьаз. Аӡәыр аԥара
ҭаиршәуазар ҳәа схылԥа аарҳәны ҳаԥхьа ишьҭоуп, иареи
сареи ҳаидәаланы ҳаицәажәоит. Уи сара уаҩыс сиԥхьаӡон.
Агазеҭ аҿы ипатреҭ анызба дыздырит. Ах, сара сакәхара
уаз… – иҵырҟа џьыба иааҭигеит агазеҭ еикәарҽны. Ипатреҭ
дахәаԥшуа, илабақәа иҽрынҵа дгылан.
Зны исыҩхьеит,абраҟагьы еиҭа исҳәарц сҭахуп,ашәҟәыҩҩ
ра ауаҩы аԥсабара иланаҵо баҩхатәроуп. Иҟалап, иара
дызшаз аԥсабара заа иадыруазар апоет иаџьал анааигәахо.
Анцәа бзиа иибо ишқәыԥшу иԥсуеит рҳәоит афранцызцәа.
Иҿҳәара мшқәак шыбжьаз, ҽнак ус ҿааиҭит Алықьса:
– Ажь анырҭаауа умбахьеи? Амҵәышә анҭәлак, ахы
ларханы акалаҭ инҭарыԥсоит. Акалаҭгьы ҭәуеит, ихыттоит,
икаԥсоит. Убри ажьымжәақәа ахыҩрны ишкаҳауеиԥш ауп
ҵыхәаԥҵәара рымамкәа ажәеинраалақәа шаауа. Акы ҩны
сшаалгалак, даҽакы аҩра сгәаԥхоит.
Ихыццакуан аԥсабара. Иара иаҳәарц иаҭахыз апоет иҿала
иаҳәон, уи аҳәара дшахьымӡоз абон. Акыр шықәса анҵы,
Алықьса усҟан ииҳәаз даҽакалагьы сазхәыцит.
Ашәҟәыҩҩы, еиҳарак зҭәымҭа иҭагылоу, иԥсҭазаара
даналҵлак, раԥхьа ирҳәо ажәақәа иреиуоуп: «Алитература
даԥхеит». Ҳәарада, зегь реиҳа дзыԥхо алитературоуп. Ины
қәырԥшны акәзаргьы, уаҩы ихаҿы иааигар ҟалоит уи
дыҟазҭгьы алитератураҿ шаҟа ҟаиҵарыз, нас иаԥхьалап,
изыԥсоу ала ахә ршьалап. Аха уаҩԥсык шәашьа-зашьа
изаҭом, ишәҟәыҩҩра аамышьҭахьгьы, уаҩԥсык, уаҩы хаҭак
иаҳасабала уи иҟаиҵараны иҟаз анырра. Еиҳарак ус еиԥш
иҟоу ашәҟәыҩҩы Алықьса Лашәриа иеиԥш зеиԥшыз аниакә
ха. Ихаану ииашаҵәҟьаны изырҳәоит: «Уи иԥсы ҭазҭгьы,
ҳаԥсуа литературатә ԥсҭазаара зегьы даныԥшуан, даҽакхон».
Иаҳзымыҩуаз ахьиҩуаз ала мацара акәым, иҳәон иаҳзым
ҳәоз, иҟаиҵон иаҳзыҟамҵоз.
Иарбан гәалашәаразаалакгьы егьа иҽацәихьчарц дала
гаргьы, изҳәауа ихаҭа иахьынӡаихькьысуа, иахьынӡаидҳәалоу
анымԥшыр ауам.Схатәы сҳәошәа иҟаларгьы,имҳәакәа ныжьшьа
амам, избанзар уи иаанарԥшуа изызку дзакә уаҩызоуп.
Иԥсҭазаара даналҵыз ашықәсан салгеит арҵаҩратә
училишьче. Салгеит адиплом ҟаԥшь сыманы. Уажәраанӡа
ишысҳәаз еиԥш, сажәеинраалақәак иара ихаҭа нбанҵакыла
исзеиҭеигахьан. Сдокументқәа рырхиаразы драцәажәақәа
хьан. Зегьы неиқәыбга ицеит апрель мза аҵыхәтәантәи амш
азы. Ашәхымсқәа хыҵшьа рмоуа, агәаҵәажәпақәа ирылхыз
аҩнашәқәа, снарыдгылаанӡа сҿаԥхьа иакуа иалагеит.
Изыхҟьақәоз зегьы рҳәара араҟа иаҭыԥым. Уаӷоу иидыруа
зегьы иҳәеит. Сҭалеит Аҟәатәи апедагогтә институт. Иҵит
шықәсык. Схаҭа уаанӡа гәҭыхас исымаз инацлеит даҽакгьы.
Иара, Алықьса ииҳәахьаз акәын уи – Москва аҭалара. Уасиаҭ
ажәаны исзынижьыз, убри амҩа ақәлара уалԥшьаҵас избо
салагеит. Исԥырхагаз акы ҟасҵахьан. Даҽа институтк аҟны
агуманитартә факультет уҭазар, Алитературатә институт
ашҟа удокументқәа рыдыркыломызт. Абарҭқәа зхысҳәааз
нас ишәасҳәоит. Ишәасҳәап уи ауаҩы иԥсҭазаара даналҵ
ашьҭахьгьы шаҟа дсыхәаз. Аконкурс ашҟа исышьҭит
ажәеинраалақәа, ажәабжьқәа. Урҭ аконкурс ишахысыз, Аҟәа
аинститут сышҭаз шысымҳәаз, шәҟәы-быӷьшәы ҳәа акгьы
сыцымкәа, аԥышәарақәа рыҭира сышцаз, уаҟа сызҭамлар,
уаан-ӡа сахьҭазгьы шысцәыӡуаз уҳәа, изышәҭахузеи,
иааркьаҿны, срыдыркылеит Алықьса Лашәриа ихаҭа
дзылгахьаз, саргьы сыззыҟаиҵоз Алитературатә институт
аҟны. Ус сааиуеит сааизар, ашарԥаз мра шәахәак насҿаҷҷар,
аҵх еиқәара шыҟоу схашҭыр ҳәа ишәошәа, ашьыбжь
ааихагьы амраӡакәа, аԥҭа еиқәарақәа наҵеибаҳәоит
сыжәҩан. Ирыдыркылоз рсиа нанҵаны иахьеиԥш априказ
кыдырҵеит, уаҵәы ашьыбжьон еиԥш иаарласны уимбар
ҟалом, дуԥхьоит, рҳәеит, аректор. Иацы абитуриентс иҟаз,
иахьа аректор ихаҭа диԥхьо… Бзиак уеизгьы ишыҟамыз
сцәа иалашәеит. Сныҩналеит икабинет. Ректорс дыҟан Иван
Николаи-иԥа Сериогин. Аибашьраҿы аумаӡа зхызгахьаз
уаҩын. Қьиак, татак, бзиара илшоны, цәгьара ҟазымҵоз
аӡәы иакәын. Аччаԥшь уамак иҿықәмызт. Уажәы иаҳагьы
илакыҵа ырымчны даасыхәаԥшит. Сылаԥш нақәшәеит
сыхьӡ-сыжәла анҵаны истол аԥхьа иқәыз апапка. Еилкаан
сусқәа шҽеимыз. Уаанӡагьы сҽахьазыҟасҵахьаз акәу,
иԥсабаратәымыз лахҿыхрак насыжәлеит. Аректор истол
амгәа даахан, салам шәҟәык ааҭигеит. Аконверт иара
иааникылан, аҩныҵҟа иҭаз ашәҟәы бӷьыц аасиркит.
– Утәа, ҭынч уаԥхьа, – иҳәеит дысҿамԥшӡо. Деиқәыԥсы,
дыхьшәашәаӡа дтәоуп. Саԥхьеит. Машьынкала иҩуп. Инарҳәыаарҳәуа сахәаԥшуеит. Уадаҩрак данақәшәалак, мҽеирак ани
балак, уажәшьҭа «аарира» ҳәа ҭынч унатәаны ашәа ҳәала ҳәа
ԥсеивгагак иҳәалон саб. Қьышәрччараха исысит. Ишәҭышра
ха ишьҭоу дәышкәаӷьазк ашҟа скылсуеит ҳәа агәра гаҵәҟьа
ны, иаауцрыхо узлаз ажәырҭра, абнаршәыра анаанҵәа
лак, адәышкәаӷьаз аҭыԥан, абахә ҿыбгара унхықәгылар
ушԥаҟалои?!
– Иаҳәоз узеилымкааӡеи, узԥышәырччозеи? – днасаз
ҵааит аректор. Ашәҟәыбӷьыц аасымихит. – Ииашоума иану?
Егьырҭ иаҳәақәо зегьы ҳарҟәаҵыргьы, ари ишԥаԥсыхәо?
– днаԥхьеит Аҟәа аинститут сышҭаз ахьаҳәоз. Илакыҵа
хьанҭаӡа даасыхәаԥшит. Ус дыҟан уи, шамаха ччаԥшь илакы
ҵа иҵашәомызт, аха иҩныҵҟа зегьы қьиарала дҭәын.
– Ииашоуп иану. Аинститут сҭаҵәҟьан.
– Уавтобиографиаҿ изоумырбазеи? Заманалаҵәҟьа иу
дыруан даҽа институтк аҿы агуманитартә факультет иҭоу
ҳара идокументқәагьы шҳадҳамкыло. Амц ҳаужьеит?
– Шәызжьагәышьеит… Иԥхасшьоит… – иԥсабаратәымыз
сԥышәырччара насыхҟьан, сыԥсы ҩеины, сгәы инкылахеит. –
Саҭашәымҵан… Сҭышәцар…
– Уҭымцашьас иҟоузеи? Уамыԥхьаӡеи ашшыԥхьыӡ
мақаррала ишынҵәо? – абӷьыц аҵыхәтәантәи ацәаҳәақәа
днарыԥхьеит. Уаҟа иаҳәон ашшыԥхьыӡ ианахамыҵгыла, ага
зеҭ «Комсомольскаиа правда» ашҟа ишырыҩуа. – Дудыруама,
дызусҭада зыхьӡ аҵаҩу астудентцәа рыхьӡала?
– Мап. Агәра згоит изҩыҵәҟьаз иакәымкәа, даҽа жәлак
шаҵаиҩыз. Зегьрыла дысзааигәаны, ибзиаӡаны сыздыруа
аӡә иоуп, ус анакәха, саргьы дыздыруазар акәын, аха
сара асеиԥш ахьӡи ажәлеи змоу аӡәгьы дсыздыруам. – Ус
акәҵәҟьан. Иҩашьомызт ишанонимказ.
– Уи уара иабаухәо, иаҳәо иашазар. Зқьи жәышәҩык
рарзаҳалқәа ахьыҟаз, ҩынҩажәи хәҩы заҵәык ахьҳадаҳ
кылоз, амц ҳәаны, даҽа институтк иҭаз…
– Убасҟак идуун абраҟа аҭалара азыҳәан исымаз агәа
ҳәара. Уажәшьҭа, ҳәарада, исҳәо агәра жәгашам, аха… – уаҳа
сычҳара азхомызт ацәажәара. Исҳәо аилкаара уадаҩны,
аминауаҭра еиҭа инышьҭасҵан, сцарц саныҩагылоз, разҟыла,
савтобиографиа днахәаԥшит.
– Аучилишьче уаналгаҵәҟьа араҟа уҭаларауаз, зны Аҟәа
уҭаланы, нас арахь узҭалаз?
– Усҟан, шәара шәышҟа арҿиаратә конкурс азыҳәан
аҩымҭақәа раашьҭра ианасакьаҳәымҭаз, убасеиԥш гәеиҵа
харак сақәшәеит, урҭқәа акы збо, исгәалашәо сыҟамызт. Акыр
мза сшьара сзықәымлеит. Уи шәара изышәҭахузеи?
– Иҟалаз, уихьыз?
– Абрахь аҭалара сазыҟазҵоз, сара симҵахырхәо бзиа
избоз поетк иаалырҟьаны дыԥсит. Дыҟан аԥсуа поетк Алықьса
Лашәриа ҳәа…
– Ишԥа?! – ихы-иҿы аҽааԥсахит.– Алықьса Лашәриа уҳәоу?
– ашырҳәа дҩагылеит. – Уара дудыруазма уи? Ах, дзакә уаҩыз,
дзакә поетыз! Асовет литература зегьы даԥхеит. Шәара, аԥс
уаа дшәымам, дшәоураны шәыҟоугьы сыздыруам уи иаҟараз
апоет. Уи илшараны иҟаз… – ишызбоз илабжышқәа ҩхаҟәҟәа
леит. Даалеиҩеин, аԥенџьыр днадгылеит. Гәалашәарақәак
дыргәылан. Ацашьа, аангылашьа сақәымшәо сыԥшын. Сара
сахь ажәак мҳәакәа, акы шигәалашәаз иныԥшуа, гәҭахәыцрала
ицаԥхақәа иџьыба иааҭигеит. – Уаанҿас, уаанҿас… Иԥсҭазаа
ра далҵырц мызқәак шигыз исзиҩыз асалам шәҟәы џьара
исызҭоуп… Убри асалам шәҟәы аҟны аӡәы изыҳәан дсыҳәеит.
Иара дшыԥсыз ансаҳа, ицәырганы саԥхьон, нас абраҟа
иҭасҵазшәа… Аа, абар иахьыҟоу исалам шәҟәы… – дхынҳәны
дааин иҭыԥ аҟны днатәеит. Асалам шәҟәы аԥхьара даҿын. –
Абар ужәла ахьану. Суцхраарц азыҳәан ашәҟәы сзиҩхьан.
Уаанӡа машәырынгьы схы иҭамшәацызт урҭ еибадыруазар
ҟалап ҳәа. Сыблала исымбозҭгьы, агәрагашьа амамызт. Иҟаи
ҵара издыруам, длакҩакуеит аректор. Утәа иҳәом, уца иҳәом,
ашә илахаз иеиԥш сгылоуп.
– Ишԥаҟалеи иԥсра? – даасыхәаԥшит.
– Саҭашәымҵан, аҳәара сцәуадаҩуп. Сара сцалап… Сдо
кументқәа сырҭома? Иҟалозар, акы заҵәык азыҳәан сшәы
ҳәоит. Сара исышәҭ убри асалам шәҟәы. – Снапы насырххеит.
Усгьы сҭырцоит, ма убриак сымазааит.
– Мап, уи сара уаҩы исызиҭом. Аҩыза гәакьа иҟәых
ауп ари. Уасиаҭк иаҩызаха, дызсыҳәаз… – ԥыҭрак игәы
дҭахәыцуан. – Ишԥаҟаҳҵари… – савтобиографиа ааникылан,
иԥыжәжәаны инкаиԥсеит. – Ҿыц иҩы. Зегьы анҵа. Сара
Аҟәаҟа аҭел сасуеит. Ашәҟәыҩҩцәа Реидгылаҿы срыҳәап
араҟа уҭалара ишақәшаҳаҭу ала ашәҟәы аарышьҭырц, –
иҳәеит. Иаасцәымыӷхеит, аха ҿысымҭӡеит. Иҟасҵақәаша
неиқәиԥхьаӡеит. Инарҳәы-аарҳәуа Алықьса исалам шәҟәы
дахәаԥшуан. Асеиф инҭеиҵан, ацаԥха наиркит.
Иԥсы анҭаз еиԥш, иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахьгьы, амахә
ҩа саннықәгыла, укамҳан иҳәан, еиҭах…
Абзиа изысҳәарц сшаҿу, усҟак дызмырԥшӡо самхаҳәозар,
сара исымаз. Алықьса, ԥсаҭа шкәакәа, Москватәи иԥсҭзаара
аҟнытә ихҭҳәаам, усҟан, иансаҳаҵәҟьа амшынҵа ианысҵа
қәаз рҟнытә ҩбаҟа хҭыс сымҳәар сзычҳауам. Твертәи
абульвар ахьналагаҵәҟьо, Пушкин ибаҟа аҿаԥхьа крыфарҭак
ыҟан, «Кавказ» ахьӡын. Убраҟа стәоуп. Каҳуак снахәоит.
Адәахьы ихьҭоуп. Сыццакуам. Хаҵа заманак дтәан саԥхьа.
Ажәеинраалақәа зныз шәҟәык саԥхьон, даҽа шәҟәыкгьы
саԥхьа астол иқәын.
– Сахәаԥшыр ҟалома? – дсыҳәеит ахаҵа.
– Уахәаԥш. Уаԥхьала, апоезиа бзиа иубозар.
– Апоезиагьы бзиа избоит, апоетцәагьы. Уахынла, аҷаԥ
шьараҿы сахьтәоу, сызхара ашәҟәы саԥхьоит.
Ажәақәа шынеихаҳҳәаалоз ҳаибадырит. Амилициа иа
лоу аӡәы иакәызаап. Аԥснынтәи сышнеиз, ажәеинраалақәа
шызыҩуа анеиликаа:
– О, сара аԥсуа поеткгьы дыздыруеит. Уи ихаҭагьы уама
шәаҵәҟьа дуаҩԥсы бзиоуп, – иҳәеит. – Аҵәыцақәакгьы
еидаажәылахьеит. Уӡырҩла, ҳшеибадырыз ауп иџьашьахәу.
КПЗ аҟны сҷаԥшьон уахык. Аисра дақәшәан, хаҵарԥыс ԥшӡак
днаргеит. Дынҭаҳкит. Ишахәҭаз еиԥш, иџьыба иааҭаз зегьы
ааҭааган, акт ааҩит. Ажәеинраалақәа зныз шәҟәыкгьы ҭан
иџьыба. Уи ашәҟәы аахсыртлан саԥхьеит. Даараӡа исгәаԥхеит
ажәеинраалақәа. Изҩыз ижәла снахәаԥшит, исхамышҭырц,
ҽазны уи ишәҟәык џьаракыр избозар иаасхәап, сҳәеит.
Ашәҟәы автор ихьӡи ижәлеи снахәаԥшызар, абар иҭаҳкыз,
Адокументқәа сымоу. Еидкыланы срыхәаԥшын, иара иоуп.
Сиазҵаарц акамерахь снеит. Хьаа имаӡамкәа, дҭаҳәахаа
дыцәоуп. Сиҟәаҵит. Ашьжьымҭан дҭыганы даазгеит. «Уара
уоума арҭ ажәеинраалақәа зҩыз?» «Сара соуп». «Уара упоет
бзиазаап». «Ирҳәоит сыцәгьам ҳәа». Ишысгәаԥхаз аниба,
ишәҟәы аасымихын, инапы нақәыҩны исиҭеит. Исеиҳәаз
ажәагьы схашҭуам: «Аԥсуаа усоуп ҵасс ишҳамоу – ауаҩы
дзеилаҳаз иаҳҭоит». Абас ҳаибадырит. Ашьҭахь даҽа зныкҩынтәгьы ҳаиқәшәеит, ҳәарада, раԥхьа ҳшеиқәшәаз еиԥш
акәым. Ишәҟәык ахьаазбалак иаасхәоит. Ҿыцк анҭижьуа ҳәа
сыԥшуп.
– Саргьы иаасхәап, ихьӡ ижәла соуҳәар.
– Изуасымҳәозеи, Алықьса Лашәриа.
Исызмырҳәаз сыздыруам, аха иасымҳәаӡеит уи апоет уаҳа
ашәҟәы ҿыцқәа иҩраны, иҭижьраны дшыҟам.
– Дзыхдырҟьаз, амилициа шәахь дызнанагазеи?
– Ԥҳәызбак длыцны дышнеиуаз, аԥҳәызба лцәа лхырхуа,
иакәым ажәақәа рҳәо иалагеит џьоукы. Даарысуа ипҟеит.
Ибз ада акгьы иламзар, дпоетзаргьы, акгьы даԥсам ахаҵа. Уи
дегьпоетуп, дегьхаҵоуп.
Ишысҳәаз еиԥш, Алитературатә институт санҭала раԥ
хьатәи амш азыҳәанҵәҟьа уи ахьӡ шсызцәырҵыз еиԥш, ихьӡ
мҩақәҵагаха иаацәырҵит саналга, бзиала ҳәа анысҳәоз
аҽынгьы.
Усҟан ус иаԥын. Исыцалгаз аӡәи сареи чеиџьыка хәыҷык
ҟаҳҵеит аҵара ҳзырҵоз иҭабуп ҳәа раҳҳәарц. Аныҳәаҿа
ааникылеит акыр шықәса ҳинститут аҿы аус зухьаз алектор
В. П. Друзин.
– Даасгәалашәеит, сыбла дыхгылоуп акыр шықәса
уажәаԥхьа, абасҵәҟьа абанкет ҟаҵаны, Аԥсныҟа амҩа
иқәаҳҵаз апоет Алықьса Лашәриа. Изаҳаз адунеихаан
иаҳхашҭуам уи усҟан ииҳәаз ажәа. Аректор, акыр
шықәса зхыҵуа, ҳаҭыр зқәу алекторцәа, еицырдыруа
ашәҟәыҩҩцәа, иҩызцәа бзиақәа уҳәа астол иакәшаны
итәоуп. Раԥхьатәи аныҳәаҿа аашьҭихит Алықьса Лашәриа.
«Зегьраԥхьаӡа дысныҳәарц сҭахуп зџьабаа рацәаӡаны
исыду ауаҩы. Аинститут сахьынӡаҭаз акырынтә зыцәа
сырҟьалаз, акырынтә ҵхагәаны акрысҿазҵахьоу, аҵәы
цақәак шынеинаҳҟьоз, ҳшеицәажәоз акырынтә ашара
исыцаԥылахьоу, абык иеиԥш исзыҟаз…» – даҿуп Алықьса.
Ҳаԥшуп аректор, ианамуӡах, лекторк иныҳәаҿа ааникылоит
ҳәа. Даахьаҳәын, иганаҿыҵәҟьа итәаз ихы наиқәикит.
Убасҟаноуп ҳанизхьаԥш, ихахәгьы ижакьагьы еимиааны,
дҟәашӡа дышлаӡа, астудентцәа рзеиԥшнхарҭа аҷаԥшьаҩ,
иааркьаҿны зегьы Иваныч ҳәа зарҳәоз аҭаҳмада. Ҳаргьы
иаҳиржәит уи иныҳәаҿа. Абас, ҽаӡәы ихәыцшьа зхәыц
шьамыз, уаашәҩык дрылазаргьы ирыламҩашьоз уаҩын
Алықьса Лашәриа, – иажәа даалгеит Друзин.
– Иугәаламшәаӡои зны ииҳәаз?
– Иугәаламшәаӡои зны иҟаиҵаз?
Иналагеит ибзианы дыздыруаз. Иара ихаан аинститут
аҟны аус зуаз, мамзаргьы уаҟа иҭаз дыззымдыруаз усгьы
ҟалашьа имамызт. Иаҳагьы сеигәырӷьон ҳгәырӷьаратә
чеиџьыка иара игәалашәара иахьазкхаз. Иаҳа-иаҳа иацлон,
ихаҭәаауан издыруаз ахаҿсахьа. Аҳаи аҵәеи еихаҳашьа
рымам. Ҳәарада, ашәҟәыҩҩы иуаҩра иахылҵуеит
ишәҟәыҩҩра, ишәҟәыҩҩра иахылҵуеит иуаҩра, аха,
сгәанала, Алықьса Лашәриа иԥсҭазаара далҵит иуаҩра
ахьынӡаҳаракыҵәҟьаз аҟынӡа ипоезиа аҩагаха иоуаанӡа.
Шаҟантә иаҳҳәахьоузеи, амца иахәхаша, ииҩуа бзиоуп,
изҩыз уанизхәыцлак, унапаҿы иузкуам акәымзар ҳәа.
Алықьса Лашәриа ихаҭа ухаҿы данааугалак, реиҳа иԥсыҽу
иҩымҭагьы гәыблрала уаԥхьоит. Аҵара бзиа, ԥсабарала
абаҩхатәра, агәымшәара, ауаҩы еиҿамсра, аԥшра-сахьа
бзиа, аҟазшьа ссир, адырра ҵаула, аламыс… «Аламыс»
анысҳәа… Иҟалаҵәҟьаз хҭысуп. Алықьса Лашәриа зны
дақәшәеит Миха Лакрба иновелла аперсонаж Беслан
дзықәшәаз ахаҭаԥсаҭа. Иаргьы ихы мҩаԥигеит убасҵәҟьа,
аԥсуа ламыс ныҟәызгаз иеиԥшҵәҟьа.
– Аӡәы дыздыруеит, – иҳәан, ирониала дԥышәырччо
ҿааиҭит ҽнак, – амҩа каххаа, ԥынгыла ҳамамкәа ҳанану,
ижәҩахыр сыдырӷәӷәала, ҳаиҩызцәоуп ҳәа даасыцрымшәо
ҳнеиуеит. Амҩа ҳшықәу, лак аацәырҟьаны, аху-хуҳәа иа
наасеишлак, сынхьаԥшны-саахьаԥшаанӡа, аԥҭа нхылар,
угага шынкабо еиԥш, сҩыза дныҵахәаша дцоит рыцҳа.
Алацәгьа анаасҟәысклак дсывагыланы иҿынаихоит.
Ламысла азин иман асеиԥш аҳәара. Шәеиҩызцәа акәым,
шәеибамдырӡозаргьы, уиашазар, дарӷьажәҩаха дувагылон,
џьара иԥырхагахап ҳәа дшәаны, ихы ԥхьаикуамызт.
Уиашамзар, иааҭырҟьаны иуеиҳәон, умахцәа уанкны
уааиргьежьуан, уара узго уагааит, сара ԥылгыдык алызгааит
ҳәа дыҟамызт. «Уиҩызазар дуҩызан, уиашьазар дуашьан».
Даҽаџьара Аԥсны зегьы азыҳәан иҳәоит: «Учеиџьыкы
еснагь ианын унапы». Арҭ ажәақәа ихаҭа изукыр ауеит.
Ииашаҵәҟьаны, ачеиџьыка змаз уаҩын, уаргьы учеиџьыка
пату ақәиҵон. Аха ламысла ицқьамыз ачеиџьыка иҽа
ирҟьышьуамызт. Ҿырԥштәы заҵәык. Қыҭак аҿы, дабеи
дыруеи ргәахәазар акәхап, ачеиџьыка ахьыҟарҵаз иам
ҳәакәа, алитературатә еиԥылара ашьҭахь, нхаҩык иҩны
днаргеит. Рнапқәа аарыӡәӡәан, ачеиџьыка ианынахатәозоуп
аԥшәма данааи. «Уара уоума абри аҩнаҭаҿы иаԥшәымоу?
Уара уоума абри ачеиџьыка ҟазҵаз?» «Ааи, Едгьы-иԥа, сара
соуп». «Уара учеиџьыка уеиԥш зеиԥшу ирҿаҵала. Сара
снапы асыркуам!» Астол дҩахыҵын, уаҳа даахьамԥшӡакәа,
ашҭа дынҭыҵит. Иҟарҵагәышьоз, дназгазгьы наишьҭалеит.
Аҵлақәа жәпаны иахьеилагылоу аккараҿы ҵлак, ҩ-ҵлак
хәахәазаргьы аккара ианыԥшуам. Аха аккара аныӷӷоу, аҵлақәа
зегьы иаармарианы улаԥш ианыҵашәо, ҵлак, ҩ-ҵлакгьы
ирылшоит аккара асахьа аиҭакра. Абри аиҿырԥшра ухаҿы
иааиуеит хыԥхьаӡарала имаҷу амилаҭ рышәҟәыҩҩцәа урыз
хәыцыр. Дарбан шәҟәыҩҩзаалакгьы лаԥш иаҩсуам, аха
ҩынтәгьы лаԥш иаҩсуам амилаҭ маҷ рышәҟәыҩҩы. Уаҟа
инацлоит даҽакгьы. Амилаҭ рацәа рыхгьы дара ирыхьчоит,
рышәҟәыҩҩгьы, иусқәа зынӡаск даҽакала иҟагәышьоуп
амилаҭ маҷ рышәҟәыҩҩы.
Ирҳәоит, ублақәа анааԥсалак, иныхҩаны, уҽаарҭынч, ае
ҵәақәа аҵыҷҷаауа аҵх ҵәца ухаҿы иааугар, уаҵаԥшуашәа
ԥыҭрак уназхәыцыр, ублақәа рааԥсара нархыҵуеит ҳәа.
Сгәанала, уи зыхҟьо уиоуп, инахараны инаԥшыр рымуа,
улаԥш аанызкылоз зегьы наԥырҵуеит, ицоит иҳәаадоу
ажәҩан ахь, еихаччо-еихалашауа аеҵәақәа рахь, агәра ргоит
џьара ишыҟоу аԥшӡара. Аблақәа рзыҳәан ус иҟазар аеҵәақәа
зҵыџьџьаауа аҵх ҵәца, ауаҩы игәы-иԥсы азыҳәан еҵәас
иҟоу ауаҩԥсы иоуп. Шәарҭ, ауаа бзиақәа еснагь изԥылалаша,
усеиԥш ишәымоу даҽа џьоукхар алшоит, аха сара гәамч
рҳарҭас исымақәаз дреиуан, ԥсраҽнынӡа убас дегьсзаанхоит
Апоет, Ауаҩы-гәлымҵәах Алықьса Лашәриа.
1982–1987
АШӘҞӘЫҨҨЫ-АИБАШЬҨЫ
(Ҷиҷико Џьонуа изы)
Ҳанеибадырыз, иҳаибадыршьахаз, уаҩԥсык иаҳасабала
сгәалашәараҿы дшаанхаз, насгьы иҩымҭақәак рзыҳәан
сгәаанагарақәак сҳәаанӡа, арҭ анҵамҭа хәыҷқәа хацсыркырц
сҭахуп, уамак аҵанамкуашәа иҟоу, аха уи ауаҩ ихаҿсахьа
аарԥшразы акыр ҳазҳәауа ҿырԥштәык ала. Аҩымҭа
ахаҭабзиара аҵкыс, изҩыз ибиографиеи қәрала ихыҵуеи
иаҳа ирызхәыцны алитературатә премиа анашьара
ихаҭагьы даҿагылаҩын. Агәаанагара ахьиз, насгьы изҳәаз
хаҭала дызусҭоу ҳзымдырӡо, исгәалашәоит, ашәҟыҩҩцәа
Реидгылаҿы иҟалеит агәаанагара, мамзаргьы ишырҳәаҵәҟьоз
иаҳҳәозар, «иҟоуп агәаанагара» рҳәеит. Дырмит Гәлиа ихьӡ
зху апремиа Ҷиҷико Џьонуа ианашьатәуп ҳәа. Ианҭыҵыз
ашықәсқәа злаҵанакуаз ала, аӡбахә ҳәан иажәеинраалақәа
реизга «Ашьхацамҩа». Сара издыруан, уи шамахаӡамзар,
сахьаркыратә ҩымҭак арҽхәара шицәуадаҩыз, критикала
дшазнеилоз. Абзиа иаҳар, згәы иамыхәодаз, аха ишԥауԥсы
хәаз уҩымҭа игәамԥхазар! Днахыкәша-аахыкәшо акәымкәа,
иааҭырҟьаны иуеиҳәон. Уаҟа уи лахьы даԥшны ахәы ишомызт.
Еицырдыруа шәҟәыҩҩызааит, збаҩхатәреи зԥышәеи иаҳа
имаҷу иакәзааит, неилых ҟаиҵомызт.
Хыбрак аҵаҟа аус еицаауан. Ҳахьынхақәозгьы еизааигәан
аҟнытә, есҽны ма ус ҳаибабон, ма ҳаимҩалацәан.
– Уара, ари сышәҟәы апремиа анашьаразы иахьықәдыргы
лоз аизараҿы уара уҟаӡамыз? – иҳәан, ҿааиҭит ҽнак.
– Сышԥаҟамыз, снапгьы сҩахеит сшақәшаҳаҭу ала, –
сҳәеит.
– Ииашаҵәҟьаны угәы иаанагома уи ашәҟәы Дырмит ду
ихьӡ зху апремиа иаԥсоуп ҳәа?
– Ишԥаԥсам.
– Уаргьы угәы иҭоу акәӡами иуҳәо? – сгәы уцәцеит ҳәа
аанаго, инапы ааиҟьеит.
Зыԥсы ҭоу акыр ҳнарҵозар ҳәоуп усгьы иԥсхьоу рыӡбахә
заҳҳәо. Ишәҟәы апремиа анаршьеит. Мышқәак ааҵит.
Аус ахьиуаз снеит. Идысныҳәалеит. Сҳәашьа еиликаарц
иҭахызшәа, ҿымҭ дсыхәаԥшуан. Иҭабуп мҳәакәа, истол амгәа
иааҭигеит аҳамҭа зызианаршьаз ашәҟәы. Харак зду ахәыҷы
илымҳа дананыркуа еиԥш, ашәҟәы аҵкар ааникылан, ус
ҿааиҭит:
– Абри аума, уара, апремиа иаԥсоуп ҳәа ирыԥхьаӡаз?
– астол инықәиршәит. Ԥыҭрак ҿымҭ, дхәыцуа дтәан, нас
гәҭахәыцрала инациҵеит: – Ҳазегьы дҳаиӷьхеит Аазиз…
Аазиз Агрба.
– Ииуазеи?
– Иузымдырӡои иҟаиҵаз? Уиҵашьыцып. Раԥхьаӡа Дырмит
Гәлиа ихьӡ зху апремиа рыҭара ианалага, хҩык рыхьӡ ҳәан.
Апремиақәа ҩба ракәын иҟаз. Алитература акы анаҭәаршьа,
егьи иаанхаз аҟазара – атеатртә ҟазара ианаршьар, насгьы
иара, зыӡбахә ҳәаз Аазиз Агрба хымԥада дызлаԥсаз ала,
ирҭарц рыӡбеит. Мап ацәызкуадаз, иззымдыруадаз аԥсуа
театр азыҳәан иҟаиҵахьоу. Абжьыҭира иахысит. Ҳәарада,
аӡәк иеиԥш еицҿакны ирҭеит. Апремиа имоуӡакәа даанхеит
Иван Папасқьыр. Убасҟан Аазиз дҩагылан, аҳамҭа ду
ахьианаршьаз, Дырмит ду ихьӡ иадҳәалоу иарбанзаалак
иара ҳаҭыр шақәиҵо, даԥсоуп ҳәа иԥхьаӡаны ианазшьаз
акомиссиа дхырхәаны иҭабуп ҳәа шреиҳәауа уҳәа, ажәа
бзиақәа ахҳәааны, мап ацәикит апремиа. «Саргьы акгьы
ҟасымҵац, акгьы саԥсам сҳәар, хырџьара хырҽхәароуп,
џьабаақәак збахьазар акәхап, аха ҳкультура арҿиараҿы
иҟаиҵахьоу хараӡа иахьеиҳау аҟнытә, сшәыҳәоит
ишәыӡбаз шәеиҭахәаԥшырц, исанашәшьаз апремиа Иван
Папасқьыр ишәҭарц», – иҳәеит. Убас егьыдирҟаҵеит. Изакә
ламыс дуузеи уи иҟаиҵаз, – ашьыцра бзиа аныԥшуа, иажәа
аахиркәшеит.
Амшынгьы цәыкәбарла еибаркуп. Абасеиԥш иҟоу ахым
ҩаԥгарақәа рылоуп излашьақәгылоу, излаҿиауа акультура
ду. Уи ртәуп, аиҳабы иаԥхьа ашәхымс ихымҵуа, зхы
иагырханы даҽаӡәы идызҵауа, зхы аӡыргара иашьҭалаз
изыҳәан: «Дтәаны ирымбаз, дгыланы ихы дирбон», – ҳәа
ихыччагоу ажәаԥҟаны иаԥызҵаз, ажәакала, ахӡырымгара
змилаҭтә ажәаԥҟаны иаԥызҵаз, ажәакала, ахӡырымгара
змилаҭтә ҟазшьоу аԥсуаа. Егьиашаҵәҟьаны, иара, Ҷиҷико
Џьонуа ихаҭа, аҳамҭақәа, амаҵура дуқәа ирышьҭаз
уаҩымызт. Уи ԥсабарала иламызт амҵақьақьара, жьыхәҭак
алызгап ҳәа ихы аларҟәра. Шықәсқәак шыбжьаз аҳәара
далагахьан сықәра ишаҵанаклак тәанчара сцоит ҳәа.
Ииҩырц ииҭахыз рацәаны иахьимаз аамышьҭахьгьы,
ииҩуаз илшо агимыжьыртә, аус адуларазы аамҭа иҭахын.
Ашәҟәыҩҩцәа, акритикцәа, аԥхьаҩцәа бзиақәа уҳәа
рыҩныҵҟа еицырдырхьеит акы: Ҷиҷико Џьонуа дреиуоуп
иреиӷьу аԥсуа шәҟәыҩҩцәа астилистцәа, аҳәоу цқьаны
артәара аганахьала. Сқәыԥшра иахҟьозма, ҳлитературатә
гьамақәа реицәыхарара иахҟьаны иҳаулоз аимакқәа
сзырзымиааиуазма, ишакәхалак, ҳжурнал хада аредактор,
ишиҳәалоз
еиԥш, иқәра
ишнаҵанакыз, имаҵура
нышьҭаҵаны тәанчара данца, иҟаиҵаз ҳлитературатә
ԥсҭазаара иазеицәамыз уск еиԥш исыԥхьаӡеит, аха
иаарласны саргьы, убас згәы иаанагақәозгьы, «узыԥсоу
анцәа иҳаимырдырааит» ҳәа аныҳәаҩцәа ирҳәауа ажәаԥҟа
шаҟа ииашоу аргама иаабеит. Рҽырыԥсахит аамҭақәа.
Ажурнал дахагылеит даҽаӡәы.
Имҩаԥысуеит аредколлегиа. Сроман «Асқьала» актәи
ашәҟәы акьыԥхьра алахьынҵа рыӡбуеит. Стәоуп, иагуп
ҳәа ирҳәақәо нанысҵоит. Изласыхьчаша сазхәыцуеит.
Шәҟәыҩҩыс сзыԥхьаӡоз аӡәы дҩықәгылан, инақәыр
ӷәӷәаны иҳәеит ароман кьыԥхьтәуп ҳәа. Аха абар дҩа
гылеит аредактор ихаҭа. Ииҳәаша мачхәума. Аҟазара ҳәаа
ауамаху. Асахьаркыратә ҩымҭа ахәшьара зларҭауа аком
понентқәа шаҟа уҭаху еиқәыԥхьаӡала, шаҟа уҭаху агуп
ҳәала. Ҳәарада, уахьиашақәахогьы рацәахоит. Урҭқәа
абаҟоу, уи, ианамуӡах, иуаҩроуп ҳәа иуԥхьаӡап. Ари иҳәеит
иаахжәаны, иҳәеит егьаҩы егьа рҳәаргьы, иара уаҟа
дтәанаҵы ароман шимкьыԥхьуа, гәахәарыла инациҵеит
«Аҳәба ироман аҿы асовет мчы атәы зҳәауа ҵлакгьы
гылам». Сара сроман аҵкыс, схы сыхьчар иаҳа исзеиӷьуп
ҳәа сыӡбеит. Егьиашаҵәҟьаны, ҳаамҭа иаӷоу ҩымҭоуп
ҳәа иԥхьаӡаны, ажурнал ианырымҵаӡеит сроман актәи
ашәҟәы.
Абраҟа иаҭыԥхап исгәаласыршәарц. Ҽнак ажурнал
«Алашара» аредакциаҿ снеит. Иаԥхьа жәеинраалақәак ықәуп
Ҷиҷико Михаил-иԥа. Ихы кны дтәоуп.
– Иҟасҵара сыздыруам. Аҩымҭа ԥсыҽзар, иҽеимзар, автор
изурхынҳәыр, хьаас ишьҭухӡом, аха аҩымҭа бзиа, ишыбзиоу
шудыруа, аԥхьаҩ ишҟа нагашьа анузамҭалак… – даҿын игәы
каҳаны, – уазыӡырҩи, шаҟа иажәеинраала бзиоу?
Бысзымхәыцлан, бысзымхәыцлан –
Сызбыҳәо абри ауп.
Сара исыхьшаз шьҭа исыхьгәышьеит,
Наӡаӡа ҳәа сахгоуп.
Бысзымхәыцлан, бысзымхәыцлан,
Ба бзы ашәа сагоит.
Ҳазну бзы ашәа сагоит.
Ҳазну аамҭаз ахәыцрагьы
Цәгьароуп ҳәа ирыԥхьаӡоит.
– Ииашаҵәҟьаны иажәеинраала бзиоуп. Изҩымҭада?
– Шьалуа Ҵәыџьба. Ацензура иамышьҭит.
Мшқәак ааҵхьаны аҭел сизасит.
– Сара издыруеит уи ажәеинраала кьыԥхьшьас иамоу.
Ианиҩыз ашықәс ҩажәеи жәибжь ҳәа аҵашәыргыл. Уахь
ихоит, иацәугоит, – сҳәеит. Деигәырӷьеит. Убас егьыҟаиҵеит.
Еиҭасҳәахуеит, ихаҭа ииҩуаз инаркны, даҽаӡәы ииҩуазгьы
критикала азнеира идыруан, агәшаҭара ааицәмаҷума уҳәо,
ажәа џьбарақәагьы налеиҵон Ҷиҷико Џьонуа, аха ашәҟәы
ҩҩы дақәӡыртә иҟоу, ихарадҵагоу ажәала адунеихаан уаҩы
дихцәажәомызт, уи аганахь инаау ажәак, уара иуҿшәаргьы:
«Уажәа уазхәыцны уцәажәала», – ҳәа инауҿаирхьуан. Уҩым
ҭа ирхынҳәыргьы, амчра зымпыҵаку дрыдгыланы, заҵа
уара дужәымларыз, ихаҭа амчра ииашамкәа зхы иазырхәоз
дырҿагылаҩын. Ҿырԥштәы заҵәык. Амаҵура ду иахагылаз
аӡәы истатиа анын ажурнал аҿы. Ԥыҭҩык ҳшеидгылаз убри
астатиа аӡбахә аацәырҵит. Џьоукы, иаԥхьаз, реилкаара
злаҟаз ала, ииашаҵәҟьаны иргәаԥхеит, даҽа џьоукы, иша
мыԥхьаӡазгьы, зыхьӡ аҵаҩыз имаҵура аҟнытә, иасны
идырҽхәаӡеит. Даҽакала уи астатиа абӷа ааԥиҵәеит Ҷиҷико
Михаил-иԥа.
– Сара иԥхасшьоит, иара ишимҩыз шыздыруа, иара
иҩызшәа агонорар ахьизақәысҵаз, – иҳәеит.
Ҳнарыдҵит. Аҩныҟа ҳаицаауан.
– Уаҟа игылақәаз умбаӡои? Урҭ ишраҳауаз иумҳәар акәын,
– сҳәеит, сыхшыҩ даргәаҟуазшәа.
– Убри азоуп изысҳәазгьы, – иҳәеит ҭынч. Убас егьыҟалеит.
Иажәа мҵарсны еибарҩит аҳәаскьеиҩцәа. Аҭыӡшәа алҵит,
аха иара ииҳәац еиҭеиҳәеит.
Сара сшәаԥырҳаԥуа алитература ашҭа сҭаларц агәашә
санылагылаз, Ҷиҷико Џьонуа уи ашҭаҿы иаԥшәымацәоу
дреиуазижьҭеи акрааҵхьан. Ақәра ду нызҵыз аӡә иеиԥш
санихәаԥшуазгьы ыҟан.
Ажурнал «Амцабз» аҟны аҭакзыԥхықәу маӡаныҟәгаҩыс
аус иуан. Ҽнак ателефон дысзасит. Снеит. Илахь еиқәын.
– Иҟоу уасҳәап, Миха Лакрба игәабзиара ҽеим. Аҭел
дысзасуан. Сгәы ирԥшааит, игәаҟрақәа, иуасиаҭқәа рҳәара
даҿын. Урҭқәа зегьы зуҭахузеи. Ииҳәаз уасҳәап. Ибзианы
шәеибадыруазаап.
– Ааи, изныкымкәа иҩны снеихьеит, ичеиџьыка сфахьеит.
– Даараӡа угәра игоит. Иуасиаҭ ажәа уасҳәарц снапы
ианиҵеит. Илитературатә ҭынха уара уахылаԥшырц дуҳәоит.
Абасҵәҟьа иҳәеит. Анцәа иџьшьоуп, макьана иԥсы ҭоуп, аха
ичымазара злаҟоу ала, уамак изынҵуам. Идунеи аниԥсахуа
ҳәа аԥшра аҭахым. Унапы ианиҵаз аус иахьаҵәҟьа инаркны
уалага.
– Иҟасҵарц исыхәҭоузеи? Даара иажәа дууп исоуҳәаз,
аха…
– Мап скуеит ҳәа уаламган. Иҩымҭақәа ԥсаҟьаны агазеҭқәеи
ажурналқәеи рҿы икаԥсоуп. Реизгара, реиқәыршәара уҽазкы.
Акрааҵуеит, атеатр ашҟа инасышьҭит пиесак, ахькьыԥхьааха
сымаӡам, иӡзар, иӡӡеит иҳәеит. Убригьы ԥшаатәуп, – истол
амгәа дынҭалеит, напҩырақәак ааҭиган инасиркит. – Иара
иҩымҭоуп абарҭ ановеллақәа. Ажурнал «Амцабз» аарбышьа
рымам, аха ус иҩымҭа бзиақәоуп. Унарыхәаԥшқәа. Акьыԥхь
иазырхиатәуп.
Ажәабжьқәа аурыс машьынкала икьыԥхьын. Аԥсуа
нбанқәа ирҭахыз адыргақәа ҟаҵан карандашьла. Ус
ирыдыркыломызт. Иахкьыԥхьаатәын. Шәҟәыҩҩык, насгьы
уаҩԥсык иаҳасабала Миха Лакрба ицәгьамкәа дыздыруан,
аха убри аҽны ада инапҩымҭақәа сымбацызт. Ҷиҷико
Џьонуеи сареи абри аҵыхәала ҳаицәажәара ашьҭахь,
шықәсыбжакгьы мҵыцкәа, ҳаԥсуа новеллист, аламыс
азышәаҳәаҩ ду иԥсҭазаара далҵит. Иаҳагьы еиҳахеит сара
исыдыз ауалԥшьа. Исгәалашәоит уи шаҟа дазҿлымҳаз
Ҷиҷико Михаил-иԥа. Лассы-лассы дсазҵаауан, аус шԥацои,
уабанӡанеихьоу, ҿыцс иуԥшаахьоузеи ҳәа. Инапҩымҭак
џьара иҟоуп ҳәа ахьиаҳауаз, сара исырымҭар ҳәа дшәаны,
ихаҭа аҭел дырзасуан, дрыҳәон. Саргьы исылшоз ахәыҷы
агсмырхеит. Исгәалашәоит, Миха Лакрба иҩымҭақәа актәи
атом анҭыҵ, шаҟа деигәырӷьоз Ҷиҷико Михаил-иԥа. Аганахь
иҽыԥхьакны, иҽӡырымгаӡакәа, шьарда дацхрааит Миха
Лакрба илитературатә ҭынха аиқәырхара. Ашәҟәыҩҩы
иҩныҵҟатәи икультура ахьынӡаҳараку еилукаарц, иушәарциузарц уҭахызар, иреиӷьу шәагазагоуп уи ажәытәра дшазы
ҟоу, уи дшырзыҟоу иара диаанӡа алитератураҿы иҟаз
ашәҟәыҩҩцәа. Хыхь исҳәаз инацысҵап даҽакгьы. Ҷиҷико
Џьонуа акыр шықәса аизгара, аиқәыршәара даҿын, ашьҭахь
«Аԥсадгьыл азы» ҳәа хыс иаҭаны, хазы шәҟәны иҭижьит
аибашьраҿы иҭахаз, хазы-хаз ашәҟәқәа ҭрыжьыртә иахьымӡаз
аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәа. Абарҭқәа сара схы-сгәаҿы
акырӡа дҳараркит Ҷиҷико Џьонуа. Аха ашәҟәыҩҩы иара
диаанӡа иҟаз ашәҟәыҩҩцәа дшырзыҟоу аилкаара иамоуп
ахатәы ниуансқәагьы. Аурыс шәҟәыҩҩы иҳәар Пушкин
бзиа дызбоит ҳәа, мамзаргьы аԥсуа шәҟәыҩҩы иҳәар Гәлиа
ирҿиамҭақәагьы ихаҭагьы пату рықәысҵоит ҳәа, ииҳәаз ажәа
угәы ишахәогьы, ԥышәырччарак узнарҵысуеит, избанзар
Пушкини Гәлиеи уара убзиабара, уцхыраара рҭахӡам, бзиа
иумбаргьы, ухы уацәӷьычит акәымзар, дара егьрыгхом, егь
рыцлом. Уара ушәҟәыҩҩызар, уажәа зҭаху, уцхыраара иазԥшу
ухы рхумбаан.
Сеиҭахынҳәырц сҭахуп уаанӡа исҳәаз ахшыҩҵак – ауаҩы
дзыԥсоу адырреи ахӡырымгареи рышҟа. Аҵарауаҩ Ҭамара
Шьаҟрыл-ԥҳаи иареи зны еимакык роуит. Аҩыџьегьы реимак
ҵаҵӷәыс иамаз ахӡырымгароуп. Ҭамара Платон-иԥҳа аԥсуа
нбан, ахәыҷы илымҳа иаҳауа аамышьҭахьгьы, иблаҿы
иааиртә, игәалашәараҿ инхартә, сахьалагьы еиқәыршәаны
иҳамандаз ҳәа дазхәыцуан. Изеиԥшрахашаз ҳәа лгәы ишаа
нагоз иалҳәеит усҟан «Амцабз» амаӡаныҟәгаҩыс аус зуаз,
поетк иаҳасабалагьы аҩра илшоит ҳәа илԥхьаӡоз Ҷиҷико
Џьонуа. Ҿырԥштәыс иааганы, аурыс бызшәала иҭыжьыз
шәҟәыкгьы илырбеит. Ҷиҷико Михаил-иԥа ари ахшыҩҵак
даараӡа игәаԥхеит. Маҿак иаҟараз уи аурыс шәҟәы хәыҷы

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 32
- Büleklär
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3422Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23270.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3424Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23180.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3457Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23760.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3416Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24750.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3405Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23710.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3473Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23150.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3441Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24240.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3410Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23120.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3368Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23750.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3363Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22650.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3437Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23160.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 12Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3332Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22780.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 13Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3379Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23400.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 14Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3316Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22940.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 15Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3375Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23360.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 16Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3413Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23630.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 17Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3378Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21310.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 18Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3368Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23460.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 19Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3361Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22940.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 20Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3385Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23780.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 21Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3046Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21530.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 22Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3962Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20100.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 23Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 4058Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19630.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 24Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 4032Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20700.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 25Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 4407Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20820.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 26Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 4378Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22230.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 27Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 4049Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23200.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 28Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3350Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23360.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 29Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3323Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23120.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 30Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3372Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23150.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 31Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3345Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22630.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 32Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 2958Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19860.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.