Latin

Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 27

Süzlärneñ gomumi sanı 4049
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2320
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Аергь еснагь дышәзылыԥхааит! Шәыгәра мгара сгәаҿы
иахьнеиӡазгьы саҭашәымҵан, аха ауаҩы изымдыруа, ахаан

иимбац иакәым, мгәарҭак ицҭшаз иашьа хаҭагьы игәрагара
анизыцәгьахо ҟалоит. Уи ззымдыруа шәакәым шәара.
А л м а х с и ҭ. Бцәажәашьала агәра снаргоит зхьышьҭра
башоу бышреиуам. Сыбзыцәашьагьы саргьы ҳбыҳәоит иҳаб­
ҳәарц, бызусҭада, шәарыцаҩымзар даҽаӡәы ишьҭа ахьаным
аԥсҭа еиҩыхааҿы бабаанагеи?
Д а д г ә ы л (лхазы, хәыцрала). Гәнаҳароуп асеиԥш иҟоу
ауаа имцу ажәала срацәажәар. Аиашагьы ҳәашьа сымам.
Иара ааӡара даӷраԥалеит, аха сара исаҭәам тәымуаак саба­
ӡӡеи изқәикыз амаҳагьара аӡбахә раҳәара. (Дара рахь.)
Иаасашәраӡа, шәхаҵкы сцеит, иҵегь сшьара сықәлап. Уажәы
исҳәаша акгьы сыздыруам. (Дҵәыуоит).
С ы к ә ы н (Алмахсиҭ иахь). Гәыҭҟьара бааԥсык дақәшәазҭ­
гьы, лхы-лҵыхәа лханаршҭит.
А л м а х с и ҭ (ихазы). Лҵәуашьаҵәҟьагьы ԥшӡоуп. (Дадгәыл
лахь.) Бгәы ԥыбымжәан, ҳара ҳахьбыхәо акрыҟазар, ҳаԥсы
ҳаигӡом. Аӡәыр ишакәым дбацәажәазар, иҳаҳәа. Сыкәын
уиазы деиқәшәоуп, аҭырқҳәа ихы аахиҵәоит.
С ы к ә ы н (ихазы). Агаӡа инапала ахәац идыркуеит.
Уасыршьцылацәеит. Усҵәҟьа зегьы сцәа иҭаӡо џьумшьандаз.
(Дадгәыл лахь.) Аҭауад даасхлафит ауп, сара ахьшь бжьа
саҩызам, амала, бқыҭа ахьӡ ҳабҳәар, бахьааӡаз баагап.
Д а д г ә ы л. Мап, мап! Сыԥсы еиқәшәырхеит, шәхаҵкы сцеит.
Хаха-хымш сара сзыҳәан шәеимдон. Шәџьабаа бзиараханы
шәаҳәшьцәа ирԥылааит. Ауаа ахьынхо агаҿанӡа скылыжәгар,
нас сара схала исыԥшаауеит сахьцаша.
С ы к ә ы н. Сара ӡы хьшәашәак аазгоит. (Иҿынеихоит,
дааҭгылоит. Ихазы.) Исыхьзеи, анцәа срыцҳашьа! Амхылдыз
сакызшәа, сахьыналыхәаԥшыз сзымқәацо сынхеит. Лыбла
аҭаԥшра – жәҩангәашәԥхьароуп. (Дцоит.)
А л м а х с и ҭ. Сара амца мҿқәак нақәысҵап. (Аҽҳәаҿ, ихазы.)
Сыкәын ихаҭыԥан сара сакәзаргьы сшәон, ари лҩыза аԥшӡа
аԥсҭа агәҭан дызбар. Ари лнацәхыԥ даԥсам Ҳаным…
Д а д г ә ы л (лхазы). Изакәытә блақәоузеи ихоу! Аҽшьра
ихықәгылоу аԥҳәызба, аԥсҭазаарахь ддырхынҳәып.
А л м а х с и ҭ. Быҩнынӡа бнаагар зыбҭахымзеи? Бахьынхо
збар, даҽазны ссасны сыбҭаар ҟамлари?

Д а д г ә ы л (иламхаҳәоит). Уара усасны узҭааз аԥҳәызба
уинахыс лыцәа ыӡып… (Иламхаҳәаз дахьхәны.) Сара усасны
усҭаар шԥасҭахым, аха умбои, сабаӡӡеи иҩны уара уеиԥш
зеиԥшу дахьтәаша дахьгылаша акгьы имам…
А л м а х с и ҭ. Амал-амазара абӷьыжә иаҩызоуп, иаауеит,
ицоит. Сара сыԥхыӡгьы даламшәацызт бара ибеиԥшу аԥшӡа.
(Аҳәашьа дақәшәом.) Сара иахьанӡа… Сгәы иаанагомызт
иахьанӡа ажәала ҳәашьа змам гәҭыхак соуп ҳәа. Сара сыда
хшара дызмам сани саби насыԥс иршьон беиԥш зеиԥшу ҭа­
цас дроур.
Д а д г ә ы л. Маҵуҩыс акәымзар, ҭацас дабараҭәоу, уани
уаби сара сеиԥш, кашәарахк илҩызоу.
А л м а х с и ҭ. Уиада исԥырхагоу егьыҟамзар, сиаҵәахә ла­
шеит ҳәа исыԥхьаӡон.
Дадгәыл ҿымҭ лхы рҟәны даагылоит.

С ы к ә ы н (ахмаҷыр азна аӡы ааигоит). Ухаԥыц ԥнаҽуеит,
убас ихьшәашәоуп абри Базрыҟәа иӡыхь. Иӡбахә шәаҳахьоу­
ма шәара Базрыҟәа? Ишәыхьзеи?..
А л м а х с и ҭ. Аҭаца дуоуит иахьарнахыс, Сыкәын.
С ы к ә ы н (дааҭрысуеит). Дарбан лара? Изакәызеи
иуҳәо?!
А л м а х с и ҭ. Уара унапала дысзуԥшааит сынасыԥхә.
С ы к ә ы н. Ишԥа? Уара… (Ихазы.) Абри сеимҳәакәа ахы­
кәалаа сгәыдиҵандаз! Мап! Мап! Уи лыԥшӡара сара аиакәым
снаруеит.
А л м а х с и ҭ. Иухьзеи, Сыкәын, уара уамеигәырӷьаӡои?
С ы к ә ы н. Лара!.. Лара илҳәозеи?!
А л м а х с и ҭ. Лҿы лықәшаҳаҭхеит, илҳәеит ларгьы лгәы
шсызцаз. Саб изыцҳатәуп. Уахьналбаауа, ашьха ашьапаҿы,
ҳафатә, ҳамаҭәақәа ихьчоит ақьаҳиа Бақьыр. Убри иаҳәаны
сани саби дырзышьҭ. Убасгьы сызреиҳәааит: «Сара сынасыԥхә
дсыԥшааит, лара лҷыдахаз аӡәы слыхәаԥшраны сыҟам.
Ишрыхәҭоу рҭаца илԥылааит!» – ҳәа. Уара, сарӷьажәҩа,
ишаԥу удыруеит, ҳашиашоу аҩны ҳазнеиуам, саншьцәа рҟны
уныдгыланы исызраҳәа, раҳәшьаԥа ԥҳәыс диманы дшырҭаа­­уа
уаха. (Иабџьар аашьҭых, Дадгәыл длывагыла иҿынеихоит.)

С ы к ә ы н. Илашьцеит, сымш лашара лашьцеит! Уасырблып
сара уи лыԥшӡара. Иаур хаала, иамур мчыла. Сцәа иҭасыгӡахьоу
сызхоуп уара уҿы!..
Аԥарда

Афбатәи асахьа
Асценаҿ Д а д г ә ы л дахьгылоу заҵәык лашоит. Лажәабжь­ҳәара
инацҵаны илҳәоит.

Д а д г ә ы л. Ларгьы лгәы-лыԥсы илаҵәаны бзиа илбаз
ауаҩи лареи еинасыԥхеит. Дышиашаз аҩныҟа днеимгакәа,
ианшьцәа рҟны дныдгылеит. Иани иаби ианраҳа, ҳаҷкәын
заҵәы акашәарах дышԥааигеи рҳәан, игәныргеит, рыҷкәын­
гьы ибара рҭахымхеит. Еиҭах иара ауаҩы дырниҵеит, иааи­
ны рҭаца дырбарц. Урҭ данырба, лыԥшӡара рыбла хнакит,
дыргәаԥхеит. Ишәыхшаз ирыхшаз зашәа иҟалаша, убри лы­
насыԥ бзиан уи аҭаацәараҿы. Лхаҵа шәарах жьыла дирчон,
хшла дикәабон. Лани лаби нхоит ҳәа ахьылдыруаз ақыҭан уаҩ
дырзишьҭит. Аха ицаз баша дхынҳәит. Лаб ари аҩыза ахьымӡӷ
сақәшәаны сыжәлар рҿы патус исықәузеи иҳәан, дыхҵәеит.
Анхараҳәа дахьцаз уаҩԥсы издыруамызт. Иҟалҵагәышьоз,
абас дшыҟаз, уахык дахьнышьҭалаз ус еиԥш ԥхыӡны илбеит.
Дзыхшаз лаб ибла неиҵыхны уаҩы диҿамԥшуа, ихәда хҽны,
дгәаҟуа иқьаԥҭахаз имӡырха дықәушәа. Абри нахыс лылахь
еиқәылеит, аччара лара илцәыӡт. Лхаҵа ибыхьыз сабҳәароуп
ҳәа даныхҭеик: «Сани саби хҵәазаргьы, рынхара, рқьаԥҭа
снықәыԥшыр сгәы сырҭынчуан», – ҳәа иалҳәеит. Аҭауад ҷкәын
изымҭодаз, афаитон нҵеикын, ибзыцәашьеи лареи нақәиртәеит.
Иара дыҩҽыжәлан, иҩызцәа агәгәаҳәа ицны днарышьҭалеит.
Аԥсуа ҵасла ԥхашьаран иԥҳәыс афаитонаҿ длыдтәалар.
Ашәарахҵәҟьагьы абна еилнахуеит, иахьааӡаз гәхьаанагоит,
еиӷьнашьоит. Лаб иҩнаҭа дамааӡазаргьы, агәыблра лыман,
дгәырӷьон уахь амҩа иахьықәыз. Ишцоз рымҩа убас иҟалеит,
афаитон ахыкәшаны ицар акәын, аҽцәа иаахҵәаны раԥхьаҟа
ирԥылон. Рымала амҩа иқәын раԥхьаӡа аӡыхьаҿ дызбаз,

ашьҭахьгьы дзыԥшааз арԥыси лареи. Иара убасҵәҟьа, раԥхьаӡа
данибаз Анана-Гәында иаԥхьа дцәырҵны диҿаԥшуазшәа,
ииуа-ииҳәо дақәымшәо ихы шихашҭыз еиԥш, иара уажәгьы
лыԥшӡара ихы еиланагеит. Уи инацлеит икар­шәны иибаз
абырлаш иара иахьитәымхаз азыҳәан, дамырҭынчуа ицраз
агәала. Урҭ зегьы уаҳа илдмыршазар акәхап иаргьы: ихы
изнымкылазт, иуаҩра ицәдырӡит. Лхаҵа дкажьны диццарц
длыҳәеит, лара илҭаххар лхаҵа дшишьуа ҳәа ажәа лиҭеит.
Усала егьа иундазгьы инапаҿы данизаамга, даашьҭкәыцәаа
афаитон дҩаниган, абнарахь днылеигалт. Иахьынӡалылшоз
лынамыс лыхьчарц дықәԥон. Лымч иқәым­хеит, дылиааины
лынамыс иҟьашьит. Уажәшьҭа лара, зцәа ԥҽыз, зынамыс
цқьамыз, бзиа илбоз лхаҵа ицынхашьас илымаз. Насгьы лхылгәы ахшәеит, зныкымкәа, ҩынтәымкәа арыцҳа­ра дҭазыргылаз,
лыԥшра-лсахьа наҟ-наҟгьы даҽа рыцҳарак сақәнаршәозаап
ақәылҵеит. Абарҭқәа анылзеила­ла, лхы ахьынахо дцарц, еиҭах
абна дасны дыбналеит. Аԥсы мыжда ҵаауп, абна дшылаз, ахьҭа
ддыргәаҟхьаны… (Дцоит.)
Асцена зегьы аалашоит. Аҟәаԥа-ҿаԥарақәа ҳарҿаԥшуеит. Урҭ абна
рхыҵәаны, еиқәышьшьы игылоуп.

А х ь ч а ҷ к ә ы н (дшааиуа, ҭыԥ иашараны иахьыҟоу, ауапа
каршәны днықәиоит. Аҿырпын неиҿеикуеит. Ауасарҳәыга
аирҳәоит, иааиҿихуеит. Дҩагыланы аԥсаса рахь днаԥшуеит).
Иабацеишь сыџьмақәа? Акәазара ахьыҟаҵәҟьоу рхы хоуп.
(Днатәоит иҿырпын дахәаԥшуа.) Ашьхымӡа хьчаҩ, абырзен
ҭаҳмада излеиҳәаз ала, аҿырпын анкьаӡа дҭыԥҳа ԥшӡаны,
деихышәашәо адәы дықәзаарын. Уи ԥҳәысс дигеит, дәи-бнеи,
ҳара иахьеи уахеи абна илоу ахьшьцәеи ҳанцәахәы. Аха
аҭыԥҳа ԥшӡа ахьшьцәа ҳанацәа Аиҭар длыԥсахит, диҵыҵны
дыбналеит, амшын анцәа, Ҳаиҭ иҳәама, диццеит. Дгәааит
ахьшьцәа ҳанцәа. Иара убасҟан длықәшәиит: «Бҿырпын ҵла­ны,
ахьшьцәа рзыҳәан быгәмырҿыӷьгаха бҟалааит!» – ҳәа. Абар
лара. Аԥша анҵыслакь, игәыҭшьаагоу ашәақәа лҳәоит. Иббеит
ибзиашәа, ахьшьцәа ҳанцәа иԥсахра зеиԥшраз? Ашьҭахь,
дсыҵыҵны, Ҳаиҭ иакәым, Алышькьантыр диццаргьы, излар­­ҳәо

ала дыԥшӡазар, мышкы иадамхаргьы сааигәара дыҟандаз,
лыблақәа снарҭаԥшындаз, шьыри… Аҳы, бшәаҳәеишь, изакә
бжьы гәыку ибхоу гәасҭашт. (Аҿырпын аирҳәоит.) Сишь, џьмак
аҟаабжь газшәа… Мап, џьмам, ԥстәу ԥсаатәу акы аҳәашьа
ҟанаҵоит ахьажь. Шаҟантә сажьахьоузеи! (Аҿырпын арҳәара
деиҭаналагоит.)
Ашьшьыҳәа дааиуеит Д а д г ә ы л. Иӷәӷәаны дшааԥсахьоу лнубаалоит.
Деилаҳәоуп аҳкәажә маҭәала ибзианы дшеилаҳәац.

Д а д г ә ы л. Убзаҳәит! (Ахьча ҷкәын дшанханы, ииҳәо
иҿамшәо длыхәаԥшуеит.) Уҿырпын абжьы, аԥсаса ракәым,
Аиҭар ихаҭа игәы хнахып.
А х ь ч а ҷ к ә ы н (аҿырпын иику дахәаԥшуеит). Аԥхыӡ
салоу, мамзаргьы, сыблақәа сыржьоу? Бара бызусҭада?
Д а д г ә ы л. Амҩа иацәхҟьаз ԥҳәыс ҟьалак соуп. Аԥсшәа
иуасҳәаз аҭак зыҟаумҵозеи, ауааԥсыра уцәымӷума?
А х ь ч а ҷ к ә ы н. Бзиа ббааит, аҳкәажә бхаҵкы!
(Длеихырхәоит.)
Д а д г ә ы л. Уара узыҳәан сара саҳкәажәым, усцәымшәан,
уааи сааигәара. Ҳнеидтәалап. Уара иутәума абнаҟа анаара
иаҿоу аԥсаса?
А х ь ч а ҷ к ә ы н. Сара… Аиеи… Сара сҳәама, саҳ итәуп,
сара чнырс симоуп.
Д а д г ә ы л. Араҟа, абнаҿ, аԥшәымас ирымоу уара уоуп.
Уџьмақәа уаха руак ахш узамымхыр, аҩсҭаа ицәаз џьумшьан.
Амҩа сықәижьҭеи акрааҵуеит, цәгьа сымлашьуан, снаҵалан
ачыргә ҭсырҩааит.
А х ь ч а ҷ к ә ы н. Бара аџьма баҵаланы ибцәану? Ҳа-ҳаҳа! Шаҟа бзамыҟәс сыбшьозеи!
Д а д г ә ы л. Иақәымшәац изхаҵом. Уԥсы уақәыԥшыр
аџьма уаҵала акәым, адаӷь кны еимыжәжәа иуфап. Уи
аҩыза анцәа уақәимыршәааит. Сусасуп, учеиџьыкагьы
сҿоуҵахьоушәа иԥхьаӡа. Акы суазҵаашан, акрааҵуама
ухьчоижьҭеи?
А х ь ч а ҷ к ә ы н. Ӡыск ԥхьасцо саныҩеидас инаркны саб
сицыхьчон…
Д а д г ә ы л. Уаб иԥсы ҭоума?

А х ь ч а ҷ к ә ы н. Арахә ашьха ишхицоз анаҟә бган дагеит,
ибаҩгьы ҳцәыӡит. Сабдуи сареи ҳауп аԥсаса ирыцу. Лбаа,
аҭыԥаҿы дыҟоуп иара. Сцаны даасыԥхьап ибҭахызар?
Д а д г ә ы л. Сиацәажәаргьы цәгьа избом…
А х ь ч а ҷ к ә ы н. Уажәыҵәҟьа даазгоит.
Д а д г ә ы л. Зны уаанҿас. Аҭыԥаҿ уабдуи уареи шәыда
аӡәыр дыҟоума? Иара усгьы, иумада?
А х ь ч а ҷ к ә ы н. Аеҳәшьа дсымоуп, бара беиԥш дыԥшӡам,
аха гыларыла дбаҟароуп. Сашьа еиҳабгьы дыҟоуп. Уии аҭауад
ҷкәын Дарыҟәеи еснагь еицуп, ныҟәара ианцо, ҳҭыԥаҿы
иаадгылалоит. Араҟа, аҭыԥаҿыҵәҟьа сабдуи сареи ҳхала ҳауп
иҟоу. Сабду, аӡә данҳҭаауа аумаӡа деигәырӷьоит. Баала.
Д а д г ә ы л. Шәыфатә шәзыҟазҵода, шәымаҭәа зы­
ӡәӡәода, изӡахуада? Сыжәгарауазеи шәҭыԥахь, убарҭ зегьы
шәзыҟасҵалап, шәымаҵ зулап.
А х ь ч а ҷ к ә ы н. Алаф бзианы ибҳәозаап, бхаҵкы сцеит,
аха жәҩан иқәтәоу Аиҭар ида игәҭыха зеиҳәаша димамкәа,
дгәыкуа абна илоу ахьча ас еиԥш ихыччара зыбҭаххазеи?
Беилаҳәашьала, ҳаҭауад Дарыҟәа иаҳәшьа блеиԥшныс­
шьалоит, аха ԥшра-сахьала бара баасҭа уи аҳҭны ҳәсақәа
драҩсуам.
Д а д г ә ы л (лхазы, лахьеиқәҵарала). Еиҭах, сыԥшра,
ссахьа…
А х ь ч а ҷ к ә ы н. Бгәы нсырхазар, саҭабымҵан, бхаҵкы
сцеит.
Д а д г ә ы л. Шаҟа шықәса ухыҵуазеи?
А х ь ч а ҷ к ә ы н. Сынтәа, шьхацан, ҩажәа шықәса
срылгеит.
Д а д г ә ы л (лхазы). Ҩажәа шықәса… Сара срыцҳарақәа
рхы аныркыз ақәра. (Ахьча ҷкәын иахь). Сашьеиҳаб дыҟоуп,
аҭауад ҷкәыни иареи аҭыԥахь еицаалоит уҳәама?
А х ь ч а ҷ к ә ы н. Ааигәагьы иҟан. Нхыҵҟа, аҟарачқәа рахь
ныҟәара ицеит, ианхынҳәуа аҭыԥаҿ иааиуеит.
Д а д г ә ы л. Шәеигымхааит! (Лхазы.) Урҭ рыдагьы, иара
ари ихаҭагьы, иԥхыӡ зцәаара алашәаз аԥҳәыс бзиа данибо
ақәра дҭагылоуп. Аҭыԥахь цашьа ыҟам. Абна саршәеит, уаҳа
сзылалом, арахь сыԥсы ҵаахеит, абахәгьы сынхықәгылеит,

аха исзымгәаӷьит… Сабацари? (Даахәыц-хәыцны, ахьча ҷкәын
иахь.) Аԥсаса ргәархра, ргәараҵара цәгьоу?
А х ь ч а ҷ к ә ы н. Цәгьарас ирымоу шьыжьи хәылбыҽ­
хеи рхьареи, аӡарақәеи дареи еиҵаҵаны реиҵыхреи ауп.
Аҳәырҭақәа рахь икацаны раацара – асабигьы илшоит. Амала,
атәыҩақәа ԥардӷьалӡа баӷьык рылоуп, убри раԥхьа иҩагыланы,
аџьмақәа ахьырԥшны аҿаныҩанаха, рыӡ ахьымааҩра иаманы
ицоит. Сара сызхылаԥшӡо иара убри абаӷь ауп. Быпату схы
иқәуп, аџьмақәа рахьгьы алеишәа цәгьоуп, баӷьы мылмыҵкоуп
иара.
Д а д г ә ы л (дыччоит). Уара алафҳәарагьы улазаап.
Даҽакы суазҵаашан, абна иахьылоу ақәыџьмақәа, амшәқәа
ирымфаӡои?
А х ь ч а ҷ к ә ы н. Иахьа знык, ҩынтә атрышә слас-ҩасны,
аҵықьҳәа схысуеит, уинахыс сгәы ҭынчуп. Ахьчараҿ цәгьарас
иҟоу, уаҩытәыҩса ибла уҭаԥшуам, агәҿыӷь уагоит. Шәарыца­
ҩык машәырны думбозар, ҿыҭбжьыкгьы уаҳауам. Аҵларкәыкә
аҵла ҩара инаслоит, саргьы сҿырпын аасырӷызлоит, убарҭ
роуп гәыжьжьагас исымоу.
Д а д г ә ы л. Уаҩԥс дубом. Уи бзианы исоуҳәеит. Аеҳә­
шьа дсымоуп уҳәеит, убри дзыргәырӷьаша ҳамҭак лзыҟасҵар
уҭахӡами?
А х ь ч а ҷ к ә ы н. Аҩныҟа баала, ҳара зегьы ҳзыҳәан убри
ҳамҭа духоит.
Д а д г ә ы л. Усҭ, аа, уажәазы абри. (Лнапы ахәда иахоу
абырлаш еимхәыц илҭоит.) Уанаалакь, исшәу зегьы уаҳәшьа
илзысҭиуеит. Уара ахьча маҭәа ԥшааны исзаага.
А х ь ч а ҷ к ә ы н. Ас еиԥш анапхаҵа нхарак аанахәап.
(Ирхынҳәуеит.) Ахьча маҭәа аныбҭахха, сара знык сҽызла­
сыԥ­сахша сымоуп, уажәыҵәҟьа ибзаазгоит. Арахә рхы аба­
дырхеишь? Абаӷь тәыҩа ԥардӷьал рышьҭахь игылоуп, џьаргьы
ицом саанӡа. (Дцоит.)
Д а д г ә ы л (лхала). Хьча маҭәала сҽеиласҳәап, сҽеиҭаскып.
Џьара чнырк дахьырҭаху сыԥшаап. Аԥсаса сыманы, абна сы­лаз.
Алмахсиҭ… Сара насыԥеиқәаҵәа, абас сылахь изаныз! Абахә
санхықәгылаз исгәаӷьыр еиӷьыз­ҭгьы… Мап, сара исҭахуп ажә­
ҩан саҵаԥшларц, исҭахуп ашьжьымҭан амра шәахәа ана­

қәыԥхалакь, қаруаш еимхәыцҵас икәалкәаџьо аҳаскьын
ԥшқаҿ икнаҳау аӡаӡа цәыкәбарқәа збалар. Ус еиӷьуп, уаҳа
ԥсы­хәа ыҟам, сцап хьчасы.
А х ь ч а ҷ к ә ы н (дласны дааиуеит). Абар аиқәа, ахамы, абар,
хызла ирҵәны ажәцәеимаақәа. Арҭ бшьаргәацә иакәбыршо
ашәарҭлеиқәа роуп.
Д а д г ә ы л. Еиқәуршәеит, бзиараны анцәа иуԥигалааит!
Исшәысҵап.
А х ь ч а ҷ к ә ы н. Сара сцаны аԥсаса снархылаԥшып, абаӷь
тәыҩа ԥардӷьал раԥхьа игылазар авырдым кыдсыршаап.
Аб­рахь ахәажәра бнаваланы бҽеилаҳәа, араҟа сабду дааир
ҟалоит. Ихҭарԥа ихых ижәҩа иқәыршәны, илабашьа ац
хәахәаӡа ихы иахыҳәҳәо ҭаҳмадак дааиуазар – убри иара
иоуп. Абра ахәы дықәгыланы исызҿиҭлоит. (Дцоит.)
Д а д г ә ы л. Шаҟа дарԥыс еилҟьоузеи! Изакә насыԥыз абас
ешьак дсымазар! Сҽеиласҳәап. (Амаҭәақәа лыманы ахәажәра
днавалоит.)
А х ь ч а ҭ а ҳ м а д а (дхарахаԥшуа дааиуеит. Ихҭарԥа
ихыхны ижәҩа ихшьуп, лабашьа дук икуп). Дабацеишь аҷкәын?
Арахә дырхьыԥшны бахәык даҿалар машәыр ихьуеит,
имоурахә мыӡт. Сыҷкәын ԥсаҭа шкәакәа дҭахеижьҭеи, уи
ихшаз ракәгәышьоуп гәыӷырҭас адәы исзықәу. Абан, ибжьы
ааҩуеит. Шәыцәгьара сымбакәа сынарцә мҩа анцәа сықәҵа.
(Днатәоит, иҭаҭынжәга еиҵеиҵоит.)
Д а д г ә ы л (дааиуеит. Ажәабжь аҳәара даналагоз еиԥш
илшәыз хаҵа маҭәала деилфаҷа деилаҳәоуп). Уажәымҭа ухҭар­
ԥеиԥш ишкәакәахааит! (Диеихырхәоит.)
А х ь ч а ҭ а ҳ м а д а. Узусҭада дад, уара? Ҭыԥҳаҵас убжьы
ҵаӷаӡа, абна агәҭа уабаанагеи?
Д а д г ә ы л (лхазы). Сыбжьы иҵегь исыԥсахроуп. (Аҭаҳмада
иахь.) Сара ҭынха дызмам уаҩ ҟьалак соуп.
А х ь ч а ҭ а ҳ м а д а. Арахь уааскьеишь, дад. Сыхара
акыр иааигәахеит, цқьа усызбом. Ишԥауԥхеи уара узыхшаз?
Дгьылс уабатәиу?
Д а д г ә ы л. Сахьиз адгьыл аӡбахә аҳәара иаԥсам, ухаҵ­
кы сцеит, уаҟа иқьаԥҭахахьеит. Иҟалап, Аԥсны иалҵны амҳа­
џьырра ицазар, гәыӷырҭас исымаз сани саби.

А х ь ч а ҭ а ҳ м а д а. Уаргьы умҩа уахь ихоума? О, Аԥс­
ны! Ақьаԥҭақәа! Уахьыԥшлакгьы ақьаԥҭақәа! Ари убома,
дад? (Иқьаса иааҭганы ашьанҵа лирбоит.) Ирҳәоит, дад, Нарҭ
Сасрыҟәа амца жжаӡа ажәлар ианырзааига, аҩсҭааа даҭә­
ҳәаны ирцәеит ҳәа. Еиҭааиган: еиҭах ԥшала, ӡыла ирцәа­
заап. Ашьҭахь Сасрыҟәа даалаган, амца ашьанҵа иалаҵаны
иҵәахит. Уи анырҭаххо алхшьа ауаа идирҵеит. (Ашьанҵа
ацәымса иақәҵаны, аихымца нахьишьуеит.) Аԥша асааит, аӡы
иӡааршәылазааит, Сасрыҟәа имца ҟаԥшьшьӡа ашьанҵа иа­
лоуп. Уазхәыцырц еиҭауасҳәахуеит, амца знык аҩсҭаа ирцәан,
Сасрыҟәа иааигеит, еиҭа ирцәан, еиҭааигахит. Дангәаҟ, ахаҳә
иалаҵаны иҵәахит ауаа рзы. Жәынгьы-ҿангьы, ианакәзаалакь,
ицәгьоуп абзиара аҟаҵара, аха убри ауадаҩра ануԥыло, Сас­
рыҟәа дугәаларшәа. Агәаҟра уҭагылазаргьы, ужәлари удгьыли
каумыжьын, дад дукәыхшоуп. Уара Аԥсны ушьапы ықәгыла­
наҵ, уаб игәараҭа қьаԥҭам.
Д а д г ә ы л. Мап, даду, амшын нырцәҟа сымҩа хам сара.
Аха уара исоуҳәаз ажәа ҟәыш ахьсыхәо рацәаӡоуп. Иҭабуп!
Сара чнырс, хьчасы сцарц сҭахуп.
А х ь ч а ҭ а ҳ м а д а. Уажәада ухьчахьоу?
Д а д г ә ы л. Аԥсаса ҳаман аҩны, аха слаба аакыдхҵәҟьа­­
ны срыламлацт.
А х ь ч а ҭ а ҳ м а д а. Уи егьаурым, иуҵап. Аус злоу, арахә
бзиа иубозааит. Аҳаиуан, асаби иҩызоуп, бзиа избо иаргьы
бзиа дабоит.
Д а д г ә ы л. Ачныр дызҭаху аӡәгьы дузымдырӡои?
А х ь ч а ҭ а ҳ м а д а. Абри аҳаҩара уҩҭысны, амҩа
уанымҵӡакәа, шьарда уахьынаскьо, хьшьцәақәак рҭыԥ
унад­гылоит. Урҭ сара исыздыруам, аха ҭҳәыбынаа рыҭауад
ихьшьцәа роуп ҳәа саҳалоит. Ирҳәон, ихьча ҷкәынак, агаҿа­
ла дшаауаз, абрагьцәақәак наиқәлан, деиқәԥах дҿаҳәаны
аҭырқәцәа дрырҭеит ҳәа. Иҟалап, убри аҭауад уидикылар.
Ҳара ҳаҭауад уаҳа уаҩ диҭахым. Уаха уаҳҭаз, ашьжьымҭан
аҷкәын унаскьеигап.
Д а д г ә ы л. Шәбеиахааит! Амш макьана акрыҟоуп,
сцалап.

А х ь ч а ҭ а ҳ м а д а. Умҩа хирхааит, дад, аамҭа цәгьа анцәа
уалеимырӡааит!
Д а д г ә ы л. Уҷкәын данааилакь, абри аилаҳәара сызиҭ,
иҭабуп ҳәагьы сызиаҳәа. Иара идыруеит изхысҳәаауа.
Лы­маҭәа

еилаҳәара иаԥхьа ишьҭалҵоит. Лыхәдхаҵа
дахәаԥшуеит. Уаҩы имбартә илҵәахуеит.

аимхәыц

Алмахсиҭ, уара уҳамҭа сыԥсы ҭанаҵы сцәа иадуп. (Дцоит.)
Аԥарда

Абыжьбатәи асахьа
Актәи асахьаҿ иҟаз адекорациа. Иара убасҟан, Дадгәыл лажәабжь ахы
анцәырылгоз иштәаз еиԥш, итәоуп изалҳәоз зегьы, аха ажәабжь аҟны
иҟалақәаз зыдҳәалоу, убри ишақәнагахаша рҽеиҭаркхьеит рхырҿқәа.

Д а д г ә ы л (лажәабжьҳәара инацҵаны). Лыхәда иахаз
аимхәыц заҵәык аанлыжьит, дызлыҵыз лыԥҳәысреи, бзиа
илбоз лхаҵеи лгәаланаршәаларц. Хаҵа маҭәала лҽеилаҳәаны,
ахьча ҭаҳмада иахьиҳәаз ахьшьцәа рҭыԥаҿ дынкылсит.
Арԥыс еиҿамс, деилҟьа-еилӷәыцәӡа данырба, иеигәырӷьаҵәа
хьчасы дрыдыркылт. Ахьшьцәа рҟны уи пату лықәын, арахә
бзианы иахьгәарылхуаз, лыбаҩ ахьылцәыласыз азыҳәан.
Лара бзиа илбон еиҳарак, аԥсаса дрыцны, лымацара абнахь,
ахәқәа рахь ацара. Усҟан илыхҭысхьоу лгәаларшәаны,
длаӷырӡышо дҵәуон, лынасыԥдара зхаралтәуаз, еиааиуаеиҵеиуа рыбжьара еимактәхаз лыԥшӡара лшәиуан. Абас
дшыҟаз, зырахә дрыцыз аҭауад ҽнак аҭыԥаҿ уаҩ дааишьҭит:
«Асасцәа дахьқәа сҭоуп, еилҟьоу сыхьшьцәа аӡәы шьтәак
иманы дааиааит, ишьны, еиҿыхны акәац ирхиааит» – ҳәа.
Ахьшьцәа неицәажәан, рҩыза ҿыц дрышьҭит. Уа дахьнеиз
дласны амаҵ шылуаз, лцәажәашьа, лтәашьа-лгылашьа аҭауад
игәаԥхан, уаҳа ахьшьцәа рахь дмышьҭыкәа, иаҳҭынраҿы
дааникылеит. Лара усгьы аҽқәа бзиа илбон, ибзиангьы
дрықәтәон. Лара илымкәадыркәа аҭауад ҽы дақәтәомызт,
ҭарчеик ҟалар лара дҽыжәиҵон. Абас дыҟан.

А к т ә и а х а ҵ а. Ҳаи, уԥсынҵры духааит изакә ажәабжьу­
зеи иҳауҳәаз!
А ҩ б а т ә и а х а ҵ а. Мцада қәабк ахш еилазыршыша
ажәабжь ҳауҳәеит. Џьоукы шәахьтәоу шәшаҵәы-шаҵәуеит,
шәы­лахьгьы аԥхӡы ақәнаҭәошәа збоит, ишәыхьзеи? Ари
арԥыс, иахьа аҽырҩраҿ ҳахьиргәырӷьазгьы азмырхакәа,
ажәабжь бзиагь ҳаҳәаны ҳгәы ҟаиҵеит.
Б з г ь а у с. Нас, иҳәа, ухаҵкы сцеит, иҳәа абааԥс, уинахыс
дабацеи лара?
А л м а х с и ҭ. Иҳәа, сукәыхшоуп, иҳәа. Ус илызныҟәаз
дышьтәын!
Б а ҭ а л б е и. Уара дусымҭеи, Алмахсиҭ, сқьаҳиа ҷкәын
аҩныҟа данугалакь иуеиҳәалап. Шьҭа аҩы ҳшәыржә.
Б з г ь а у с. Иабатәи ҩыжәроу! Иацу, иацу ҳаҳәа, ухаҵкы
сцеит.
А л д а џ а. Шәахьынӡеижьаз шәзымхаӡои, уара?
С ы к ә ы н. Убз уахьынҳалаӡа, уца, амаҵ ула убрахь! Уи
аҩыза ажәабжь уазҳәазгьы уара дуеиӷьмызт!
Б з г ь а у с. Шәҽаанышәкыл, уара! Сара сгәахы ҿнакааит
ари ажәабжь. Убас аҭауад иҟны аҳҭны ҷкәынс дынхаӡама?
Д а д г ә ы л. Макьаназ уаҳа акгьы ҟамлеит.
А л м а х с и ҭ. Рыԥсы рхысхуан убас илызныҟәаз здыр­
уазҭгьы!
А к т ә и а х а ҵ а. Дабаҟоушь рыцҳа уажәы?
А ҩ б а т ә и а х а ҵ а. Ҳаи, рацәа дхаҵам-ԥҳәысын!
А л м а х с и ҭ. Ламыс ду змаз аӡә лакәын.
Б а ҭ а л б е и. Абри ажәабжь ҳауҳәарц акәызма, сҽы аԥхьахә
анаурга, абраҟа итәоу аҩныҟа иаасыԥхьарц усзыҳәаз!
Д а д г ә ы л. Ааи, абри азыҳәан, ухаҵкы сцеит.
Б а ҭ а л б е и. Сумырԥхашьеит. Уажәабжьҳәаҩ дузаап.
Уажәшьҭа аҩы ҳшәыржә.
Д а д г ә ы л. Ари зхызымгаз, ихы иҭҳәааны изҳәарым…
А л м а х с и ҭ. Изхызымгаз уҳәоу?!
Б з г ь а у с. Изхызгаз лхаҭа иуалҳәама?
А л д а џ а (дҩаҵҟьаны). Амц шәижьоит!
Д а д г ә ы л. Абри зегьы дақәшәаны, изхызгаз дыжәбарц

шәҭахызар, абар шәаԥхьа дахьгылоу. (Ашырҳәа лыхҭарԥа
аалхылхуеит, лыхцәы қамызуа лыжәҩа инықәҳауеит.)
Б з г ь а у с. Сыԥҳа ԥшқа, схәыҷы! (Дааигәыдиҳәҳәалоит.)
Д а д г ә ы л. Саб! (Ихәда лнапқәа аакәлыршоит.) Саб!
А ҩ б а т ә и а х а ҵ а. Абар, аргамаду алакә ҳахьалаԥшыз!
Аԥарда
1967

А ГӘАЛ А Ш ӘА РА ҚӘА
АԤшӡара азгәыҳәра
(Миха Лакрба изы)

– Ателефон ахь иуԥхьоит, – лҳәеит ҽнак ҳзеиԥшынхарҭа
аҩналарҭаҿы итәаз аҷаԥшьаҩ ԥҳәыс бырг.
Сыстудентын. Москва алитературатә институт сҭалеижьҭеи
шықәсыкгьы мҵыцызт. Ателефон аашьҭысхит. Исмаҳацыз хаҵа
бжьык нҭыҩит. Ихырку аԥсшәа цқьала дсацәажәоит. Дызусҭоу
ансеиҳәа, убасҟак иџьасшьеит исҳәара сҿамшәеит.
Снеиԥхьеит аҩныҟа.
Абас иалагеит, иԥсҭазаара далҵаанӡа, иаҳа-иаҳа иӷәӷәа­хоз,
сазыгәдуны салаҽхәо, имаӡоу бзиабараҵас, сахӡыӡаауа иааз­
гоз Миха Лакрбеи сареи ҳаиҩызара. Ажәа «аиҩызара» араҟа
иӷәӷәацәаны иҳәагәышьоуп, аха иҳақәибаҵоз апату ианаала­
ша даҽа ажәак сзыԥшаауам. Иеицырдыруаз ашәҟәыҩҩы,
ажәа сахьарк азҟаза, ихала сыԥшааны, ихы сырдырны,
аҩныҟа сахьнеиԥхьаз зыхҟьазеишь ҳәа уажәы саназхәыцуа,
ҩ-гәаанагарак срызкылсуеит. Еиҳабацәақәак, иуцәнымхошәа
рхы урбо, урыдыркылоит дара рхазы мацара. Миха Лакр­
ба ашәҟәыҩҩцәа ҿарацәа дреигәырӷьон, дара аҿарацәа
рышә­ҟәыҩҩраҿы дрыцхраарц, ԥхьаҟатәи рымҩаҿы акы
срыхәандаз ҳәа. Убри азыҳәан акәын лассы-лассы изиҳәалоз
«ҵәҩанк ала аанда узышшуам» ҳәа. Игәаҭаны исымоуп,
данқәыԥшу аиҳабацәа бзиақәа пату рықәызҵо, иреигәырӷьо,
иқәрахь даннеилак, дреигәырӷьо-дырзыгәдууа далагоит аҿар.
Иҟалап, убасеиԥш иҟоу ауаа ракәзар абиԥарақәа еимаздо,

адоуҳатә рахәыц ԥымҵәакәа иаазго. Абри аҩыза агәаанагара
ухаҿы имааирц залшом Миха Лакрба данқәыԥшыз Дырмит
Гәлиа дшизыҟази иқәрахь даннеи аҿарацәа раҳаҭыр шибози
уанрызхәыцлак.
Хыхь исҳәаз аамышьҭахь, ихы сырдыруа, ҳаибадырра
зыхҟьаз, сгәанала, иҟан даҽакгьы. Иҿажәкуа аӡы дшар­
гәаҟуеиԥш, уи даргәаҟуан, иахьиаҳаша дашьҭан ибызшәа
гәакьа. Дызлоу ауаа егьарыла иҭынхацәазаргьы, егьарыла
гәыла-ԥсыла еилибакаауазаргьы, ашәҟәыҩҩы икалам нықә­
ҵаны, иуада данындәылҵлак, дызлаҩуа абызшәа имаҳауа
иҿынаихар, игәы кыдбоит, агәыԥҳәыхш иалхәдахаз асаби
иеиԥш.
Сыбла иаахгылоит ааигәаӡа акәушәа. Имацара дахьыҩлоз
иуада ҷыдаҿы ҳтәоуп. Дарбанзаалак аӡәы дыҩналар аԥсы­
шәала ацәажәара аҟәыҵра ҳақәшәар ҳәа дшәаны, аӡәгьы
дааишьҭуам. Иҳәала, уцәажәала, иуҳәо аҵкыс хәыла еиҵаӡам
излоуҳәо абызшәа. Иџьашьаны сгәы сынҭахәыцит. Иуҳәаз
бзианы ишиаҳазгьы, реиҳа игәаԥхаз ажәак налкааны, иха­
зы иҳәоит, еиҭеиҳәоит ҩынтә-хынтә. Ажәа аҵакы мацара
акәымкәа, дазхәыцуеит уи иаҵыҩуа амелодиа. Гәлымҳала
цқьа иаҳар иҭахуп. Убригьы сазхәыцуеит, сыблақәа еих­
мырсыӷь, срыхәаԥшуеит инацәкьарақәа. Авульгартә социо­
логизм ҳәа изышьҭоу атеориа аҳра анауаз ашықәсқәа раан,
алитератураҿы иахыччаны акәын ишалацәажәоз ауаҩы
инацәкьарақәа, уеизгьы-уеизгьы амса еиҟәыԥԥа ирыҵамзар,
хыла-хшыҩла аџьабаа збо иџьабаа баша хәмарроушәа.
Изхысҳәаауа, уи инацәкьарақәа ақьаад бӷьыцҵәҟьагьы цқьа
ирымкыц уҳәарын, убасҟак иԥшқан, иҟәымшәышәын. Аха
уи ала мацара акәмызт излаџьашьатәыз. Уи инацәкьарақәа
убасҟак икахәхәа-кахәхәан, пианист дук инацәкьарақәоуп
уҳәарын. Акыр шықәса ҵхьаны, Миха Лакрба инацәкьарақәа
сгәалашәеит Болгариа сшыҟаз. Уаҟа ҳаибабеит, ҳаибадырит
шьҭрала иаԥсуаз, уажәы уаҟа инхо-инҵуа Никита ҳәа Чачба­
ки сареи. Уигьы инацәкьарақәа убасҟак идуун, Софиа ҳала­
ла­ны ҳаннеиуаз, амашьына аруль ахьикыз санихәаԥш, аа,
абар, ҳаԥсуа шәҟәыҩҩы инацәкьарақәа! Амашьына аруль

икызҭ­гьы, уигьы абас ицәыцәгьахон, аруль ахьпацәоу
аҟнытә.
Иналаршә-ҩаларшәны, акык-ҩбак срыԥхьахьазаргьы, ус
рыӡбахә смаҳацзар, уаҳа уаҩҵас срыԥхьаны, Миха Лакрба
иҩымҭақәа здыраанӡа ҳаибадырит иара ихаҭеи сареи. Убри
аҟнытә сқәыԥшраан, слитературатә гьама ашьақәгылараҿы,
мамзаргьы ажәа сахьарк бзиа сырбараҿы, амц сызҳәом, уи
иҩымҭақәа сара сзыҳәан акыр рыҵаркуаны, акыр исыхәаны,
ныррак сырҭаны изыҟамлеит. Уи иажәа сыԥсҭазаараҿы исым­
ҩалахеит сқәыԥшра сынҭысуаны. Аҭакәажә лыхәшә ааҵраҿы
иҟоуп ҳәа, ҳаԥсуа литература ашҭаҿы иҟазаарын, адунеитәи
апоезиа угозаргьы, сдоуҳатә ҭахрақәеи сгьамеи даара иҳа­
ракуп ҳәа ухы иазуҳәозаргьы, иреиӷьу ажәеинраалақәа
ирхуԥ­хьаӡалаша, зыдлаԥса ҳарҭ, аԥсуаа, доуҳала акырӡа
ҳӷархоз ажәеинраалақәа ҩба: «Абаандаҩы», «Дырмит Гәлиа
уахь». Иаалырҟьаны лашарак уҿаҷҷар еиԥш ауп урҭ сыш­
дыршанхаз.
Сара данызбаз, Миха Лакрба изныкымкәа аԥсра абла
дҭаԥшхьан, амыҟәмабарақәа дрықәшәахьан, азалымдарақәа
ихигахьан.
Ибзианы исгәалашәоит, ӡынран, ԥеруал мза азыҳәан
акәын. Улахҿыхӡа уҟазҵо аурыс ҵаа иҳарџьԥсараха асар­
кьақәа ирыдҷаблон. Ҭынха бзиак иеиԥш, гәрагарала, насгьы
ацәыԥхашьара сацәцан, схы сақәиҭны сиацәажәо ҳаишь­
цылахьан. Аха уи иаанагомызт ианаасҭаххоз иҩны снеиуан
ҳәа. Иара ианиҳәаз аамҭазы, мҽышак аҽны, иара иеиԥшҵәҟьа
ашәымҭак сҽагмырхакәа снеит уаҟа, Москва инхо Ушьа
Аҳә-ԥҳа луадаҿы. Урҭ еибадыруеижьҭеи акыр ҵуан. Сара
дахьсҭынхоу аҟнытә исҳәошәа иҟаларгьы, лыҩны инеихьоуиааихьоу шаҳаҭра руеит, даараӡа лчеиџьыка бзиан Ушьа.
Шәааи, ҟәыдк ҳфап ҳәа наралҳәон иаалдыруаз. Уажәгьы убас
ҳаиқәшәаз џьысшьеит. Аха ачеиџьыка ҳнапы аҳаркаанӡа,
ҳанынатәа, ус ҿааиҭит Михаил Александр-иԥа:
– Уара ишуаҳауа Ушьа ажәак лаҳәатәыс исымоуп. Суҳәоит
уи сажәа ухоумыршҭырц. – Иажәа неиԥхьбеит. Ушьагьы
иаалцәымыӷхеит.

– Иухьзеи, Мишьа, гәалак умоушәоуп уцәажәашьа шыҟоу, –
лҳәеит алаф ахь ииалгарц.
– Ушьа… – иажәа изынамыгӡакәа, хәыцра хьанҭак
дынҭанагалеит. Мбашьа амамызт: аҳәара ицәыхьанҭан, аха
шьҭыхшьа изамҭо, ицәыхьанҭан имҳәакәа аҵәахрагьы.
– Уи басҳәаанӡа сыламыс сарҭынчуам, – иҳәан, астол
днахыҵны даалеиҩеит. Адиуан днықәтәеит. Ирҿиараҿы реи­ҳа
ихадаз – аламыс азышәаҳәареи усҟан уи ауаҩ ииҳәаз ажәеи
неиҿырԥшны, ҿыӷәӷәала иуҳәар алшоит уи ииҩуази ихаҭа
дзеиԥшрази хҭак еицҭадыршәуан ҳәа. Ашәҟәыҩҩы иажәа
агәра ҳгарц, насгьы иҩымҭақәа рыхьӡ-рыԥшра рышьҭыхра­
ҿы ари иаҵанакуа даараӡа идууп. Ҳрыцҳара агартә, шаҟантә
аҳәара ҳақәшәахьоузеи ииҩуа иаваҟәыло иҟандаз ихаҭа
иуаҩра, шаҟа инасыԥ духоз ҳәа.
– Башьа сара сизааигәаӡаны, ибзианы издыруаз, аибашь­
ра дҭахагәышьеит… Абыржәы ибасҳәо, Ушьа, сара исымҳәар,
уаҩԥсы изеилкаараны дыҟам, аха…
– Исмаҳац исоуҳәозеи, Мишьа, данҭаха дук мырҵыкәа
ашәҟәы ҳауит. Шәимырԥхашьазааит, уаҳа исҳәозеи, џьаҳа_
ным зҭыԥхаша иаҳәшьа, – лылабжышқәа ҩхаҟәҟәалеит. Сара
издыруан аибашьраан Ушьа илыллыршақәаз. Усҟан Аԥсны
дыҟамызт ачаи ҿыхраҿы уи илымазкуаз. Уигьы азмырхакәа,
еизганы илымаз лхатәы ԥарақәа шәнызқь мааҭ аибашьра
ацхырааразы аҳәынҭқарра иалалҵеит. Урҭ аԥарақәа рыла
иҟаҵан лара лыхьӡ зхыз атанк. Снапаҿы искын, саԥхьахьан
Сталин илзиҩыз ашәҟәы. Уи ҩын напыла, инапҩымҭа ахаҭа
акәын.
Иажәа леиҳәартә лҽанаалырҭынч:
– Сгәы иаанагоит сеилыбкаап ҳәа, – иажәа инациҵеит
Михаил Александр-иԥа, – акырынтә сазхәыцит. Шаҟа са­
мырцәахьоу, саргәаҟхьоу бара изыбҭахузеи. Архәҭак ҳаицалан
башьеи сареи. Уи адивизиаҿы прокурорс дыҟан. Сара сид­
кыланы адиутантс симан. Ҳархәҭа амчымхара иақәшәеит.
Аӷацәа ҳакәшеит. Уахынланы аҳаирплан неит, адҵа ҷыда
аманы. Енралк дрытҟәар иаҩызоуп апрокурор данытҟәаха,
мамзаргьы данҭаха. Ҳаирпланла дыргарц акәын Костиа Аҳә­ба.

Аӡәы иҭыԥ акәын аҳаирплан иамаз. Исыцеибашьуаз сҩыза
аӷа дизныжьны, сымацара схы ахьеиқәсырхаша сзашьҭалом,
иҳәан, имуит, дымцеит. Ҳаиваианы ахысра ҳшаҿыц ҳаҿын.
Дцарц, иара ичын даҽа ҵакык шамоу, сара сааныжьра уи
шыԥсахрам, уаҳа ԥсыхәа шыҟам уҳәа, иасҳәақәаз зыбҭахузеи.
Ахы иқәшәеит, сыбла ишабоз дсывыршьааит. Амц сҳәар,
сшьамхы иахысаанӡа иаҳауеит. Снапала анышә дамаздартә
сзы­ҟамлеит, деиқәыскуаны, адунеи сықәлашьцеит. Сых­
дырраҿы санааи, сытҟәаны сыргахьан. Уинахыс исых­
ҭызгақәаз, шаҟантә аԥсра абла сҭаԥшыз, шаҟантәгьы схала
схы аԥырсхырц салагаз, бара изыбҭахузеи.
– Иҟауҵагәышьоз, иулшоз, – лҳәеит Ушьа. Игәынкылагаз
ажәақәас ишылҳәаз изеилымкаауа дыҟамызт.
– Убас сгәы иаанаго адәы сықәхеит, Ушьа, сара сакәмызҭ­
гьы, Костиа дҭамхарызшәа, сара ихы сықәиҵеит ҳәа. Сара
сынижьызҭгьы, иара ихала дцазҭгьы… – иажәа хмыркәшакәа
дҩагылеит, ауадаҿы даалеиҩеит.
– Ус ҟаҵашьас имаз, Мишьа, уи наԥхарак иаҩызахон, –
лылабжышқәа лрыцқьон аеҳәшьа гәакьа.
– Егьа ус иҟазаргьы!.. – Инацәкьарақәа ҭаҷкәымны
инеилаҵәеит. Еиҭах: – егьа ус иҟазаргьы… – иҳәан, деизҟәыҿы
дахьынатәаз, ишьамхы днас-насит. Аеҳәшьа лыхәаԥшра изы­
гәаӷьуамызт. – Анцәа ида шаҳаҭ дсымам, шаҟантә исҳәахьоу­
зеи, ҳҩыџьегьы ҳзеицҭамхазеи ҳәа…
– Дахьҭахаз аҭыԥ цқьа ишәгәалашәома, Михаил Алеқ­
сандр-иԥа? – снаиазҵааит. Уаанӡа ҿымҭ, сеиқәыӡырҩуа стәан.
– Снапы нақәкны уаҩы исырбар сылшоит, амала цәгьарас
иҟоу, ибзарбзанума, ибомбома, изакә сеидроу итҟәацыз, сара
анышә ҭжәаны сзыршәыз, сыхдырра сыцәзырӡыз, иҟалоит
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 28
  • Büleklär
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3422
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2327
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3424
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2318
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3457
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2376
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3416
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2475
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3405
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2371
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3473
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2315
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3441
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2424
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3410
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2312
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3368
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2375
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3363
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2265
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3437
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2316
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3332
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2278
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3379
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2340
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3316
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2294
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3375
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2336
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3413
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2363
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3378
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2131
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3368
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2346
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 19
    Süzlärneñ gomumi sanı 3361
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2294
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 20
    Süzlärneñ gomumi sanı 3385
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2378
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 21
    Süzlärneñ gomumi sanı 3046
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2153
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 22
    Süzlärneñ gomumi sanı 3962
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2010
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 23
    Süzlärneñ gomumi sanı 4058
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1963
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 24
    Süzlärneñ gomumi sanı 4032
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2070
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 25
    Süzlärneñ gomumi sanı 4407
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2082
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 26
    Süzlärneñ gomumi sanı 4378
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2223
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 27
    Süzlärneñ gomumi sanı 4049
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2320
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 28
    Süzlärneñ gomumi sanı 3350
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2336
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 29
    Süzlärneñ gomumi sanı 3323
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2312
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 30
    Süzlärneñ gomumi sanı 3372
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2315
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 31
    Süzlärneñ gomumi sanı 3345
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2263
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 32
    Süzlärneñ gomumi sanı 2958
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1986