LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 25
Süzlärneñ gomumi sanı 4407
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2082
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
ҟәыӷарала сара дсымбац бара бҟынӡа инаӡо аԥҳәыс. Иҟас
ҵарц исыхәҭоузеи? Бара иҟаҵа иҟабҵарц ибыхәҭоу ҳәа быз
ҿу иарбану?
Ш ь а з и н а. Бара бымацара бакәым, иара, Асҭамыргьы.
(Дкылкааны Асҭанда лыбла дхыԥшыло.) Саргьы, Мактинагьы,
Мамсыр иҩызцәагьы, иҭынхацәагьы, ҳақалақьаҿ аӡәы
даанм ыжькәа зегьы агәра ҳшәыргароуп Асҭамыри бареи
ииашаҵәҟьаны абзиабара ду шшәыбжьоу, шәеицыҟамкәа
ԥсҭазаашьа шшәымам. Агәра ҳшәырга, шәара шәыбзиабара,
ишыбзиабара дуу, иааишьа змам цәанырраны шәгәаҵа
ишҭоу. Хыларҟәра ззымдыруа, иԥагьоу, ицқьоу, ауҳәансҳәанқәеи, аҽԥныҳәақәеи рымч зқәымхо, ирзымхәаҽуа
бзиабаразароуп
уи. Уаҳа
даҽакала
хырқьиашьа
шәымаӡам. Убриоуп изылшо гәнаҳарак шәымаӡазаргьы
шәхыхра, зегьы зыриашо, шәара шәызрыцқьо. Убри,
зҿаԥхьа сара сымчыдахаз абзиабара… Сара издыруеит
уи закә цәанырроу… Убасҟан блаҵыхәала, ҽԥныҳәарала
ишәыхәаԥшуа зегьы сара сеиԥш имчыдахоит. Ус акәымкәа,
ишәыбжьоу бзиабара думзар…
А с ҭ а н д а. Иҭабуп, идуӡӡаны иҭабуп, Шьазина…
Ш ь а з и н а. Шәаныбнала, шәықәҵны шәанца, ишәзырҳәо
иашаҵәҟьоуп ҳәоуп иаанаго. Ибасҳәаз ада уаҳа хҿыхшьа
шәымам. Убриакоуп шәара хыхьчагас ишәзынхаз.
А с ҭ а н д а (аԥенџьыр ахь днаԥшуеит, ҭынч илҳәоит.)
Ишыбзырҳәаҵәҟьо еиԥш быԥҳәыс ҟәышзаап, иҭабуп, Шьази
на, иҭабуп. (Аԥенџьыр аҟнытә илбоит Асҭамыр дшаауа.) Абар,
анаара дылбааны даауеит Асҭамыргьы…
Ш ь а з и н а (дҩагылоит). Сцалап… Амардуан сахьналбаауа,
аҩны ашьҭахьҟала ацарҭа амоуп. Ҳаиҿаҳар сҭахым. Сиԥыла
ны сиацәажәартә схы-сымч ақәхом. Иџьабшьоит акәу? Ааи,
ҳаиҿаҳар сҭахым. Сара уи макьанагьы бзиа дызбоит дшызбац,
убриоуп иҟалаз, Асҭанда. (Дцоит дласны.)
А с ҭ а н д а (дахьгылац дгылоуп). Изакә ажәоузеи асалҳәаз!
Анцәа срыцҳашьа, дзакә ԥҳәысузеи…
Дааиуеит А с ҭ а м ы р. Агазеҭқәеи ажурналқәеи икуп.
А с ҭ а м ы р. Сара сахьынӡаҟамыз, ариабжьарак агазеҭ
қәеи ажурналқәеи ҭыбымгаӡоз? Аиашьыкь азна ҭәны иҭан.
А с ҭ а н д а. Ажәабжь ҿыцқәеи аполитикеи срызҿлымҳа
хартә сыҟамызт сара. Асҭамыр, сара џьаргьы сцом. Усзымҵаан
сзымцо, даҽазны иуасҳәап. Исҳәаз уаҳама?
Асҭамыр агазеҭқәеи ажурналқәеи астол инықәижьуеит. Урҭ инарылшәаны
икашәоит асалам шәҟәы зҭоу аконверт. Аха аҩыџьагьы уи асалам шәҟәы
гәарҭаӡом.
А с ҭ а м ы р (Асҭанда илҳәаз ихахьы иааимгаӡеит). Гәыр
ҩак, гәҭыхак анимоу ауаҩы, убри дахыҳәҳәаны иааигәа-сигәа
иааҟало акгьы гәеиҭаӡом…
А с ҭ а н д а. Ус анцәа дишеит. Аха ахьча ҭаҳмада иуеиҳәаз
алакә аҟны еиԥш, иаҳҳәап, џьара аӡәы дызхалазҭгьы убри
ашьха, усҟан ашьха ахықәцәан дҩықәгыланы, дызнысыз ам
ҩа даныԥшыло, анысшьаз иҟаиҵаз азхәыцра далагарызу?
Амҩан ихигаз шынеибакәу зегьы ихашҭуан.
А с ҭ а м ы р. Иеимаа аҵа даннаҵаԥшлак, амҩан ирҟьа
цыз ахьычԥаԥыр хәыҷы амҵәыжәҩа анибалак, уинахыс
дызнысыз амҩаҿы шьаҿак ихамышҭуа, иккаӡа даныԥшыло,
зегьы игәалашәоит, егьицзаауеит убринахыс ҭаха инамҭауа.
Убриоуп аус злоу, убриоуп. Аха иҟалап уаҳа даҽа мҩак
ыҟаӡамзаргьы. Убри азыҳәан акәхап зегьы зигәалашәо
ауаҩы. Игәалашәарақәа ҭаха зирымҭо. (Дааԥсаны.) Иара усгьы,
изылшахьада, уи ашьха ахыцәқәахь, аҭаҳмада ишиҳәаз еиԥш
ахалара? Зегьы шыҟоу уҟазароуп, уаҳа акгьы. Ҳамаҭәақәа
еизыбгама? Амашьына ирласны иаауеит.
Асалам шәҟәы ахькаршәу ибоит. Иаашьҭихуеит.
А с ҭ а н д а (дшәаны). Иаазышьҭыда, иаҳзызҩыда?
А с ҭ а м ы р. Иахьынтәаауа, иаазышьҭыз ҳәа акгьы анӡам.
А с ҭ а н д а. Шәықәҵ ҳәа анҵаны, анонимкақәа ҳзырыҩуа
зар акәхап. Исырбеи. Ари Мамсыр иҩышьоуп.
А с ҭ а м ы р. Ишԥа? Мамсыр бҳәоу?!
А с ҭ а н д а. Ааи, Мамсыр иҩышьоуп. Снахәаԥшаанӡа
издыруеит.
А с ҭ а м ы р. Бара быхьӡалоуп ишыҟоу. Баԥхьа.
А с ҭ а н д а. Сара сзаԥхьом.
А с ҭ а м ы р. Избан?
А с ҭ а н д а (иаарымчны). Исыдумцалан, сукәыхшоуп.
Сзаԥхьом, исылшом. Иҟамзаап, уаҳа ԥсыхәа ыҟаҵәҟьамзаап,
баша исҳәон џьаргьы сцом ҳәа, ҳцап, ҳцап, наҟ ҳақәҵны, салам
шәҟәгьы ҳахьазымԥшаауа, ҳаздыруа уаҩԥсыкгьы ҳахьимбо…
Сара исылшом, сара уаҳа сылшом. Насыԥ ҳаманы, ҳхы
ҳақәгәырӷьо ҳҟалоит убраҟа. Уаҟәыҵ, уамыԥхьан уи ашәҟәы.
А с ҭ а м ы р. Сара саԥхьоит. Схазы.
А с ҭ а н д а. Сара сыхьӡалоуп ишаашьҭу. Аха сара саԥхьар
сҭахым. Саԥхьаӡаргьы, зегьакоуп аҭак изыҟаҵашьа амам.
Иааг, исыҭ арахь. Мамзаргьы иԥыжәжәа, иблы! Иҳаҩсхьоу
изакәызаалак акы сгәалашәар сҭахым. Исылшом! Ииҭахыз
наӡеит Мамсыр. Иара ԥсҭазаара исымҭеит, иаргьы сара насыԥ
симҭеит.
А с ҭ а м ы р. Зыԥсы ҭоу ҳахь ииҳәаз аҵыхәтәантәи иажәа
қәа абраҟа иануп. Аҵыхәтәан дзызхәыцуаз, гәҭыхас имаз
аҵыхәтәан. Ашьхаҟа данцозгьы бибарц, ажәақәак беиҳәарц
иҭахын лымҳәеи Мактина. Убригьы абраҟа ианызар ҟалоит.
Ииҳәо наҳагӡарц, ауасиаҭ ажәа ааныжьра азин иман уи.
А с ҭ а н д а. Ус акәзар, ҳақәҵны баша ҳазцозеи, царҭас
иҳамоузеи, ҳахьцалакгьы абри асалам шәҟәы ҳацзаауеит, уи
цәыбналашьа амаӡам.
А с ҭ а м ы р. Ишԥааури… Ҳахьыҟаз ҳаԥшааит, иҳахьӡеит,
ҳақәҵны ҳцаанӡа. Хара сыдзар, исыриашап схала. Хаҵаҵас
ҳнеиҿагыланы ҳахьзымеицәажәаз ауп сгәы иалоу. (Асалам
шәҟәы хиртлоит. Асҭанда илиркуеит.) Аа,бысҭ,бгәыԥшқарақәа
наҟ инкажьны, баԥхьа.
А с ҭ а н д а. Уара уаԥхьа.
А с ҭ а м ы р. Бара быхьӡалоуп ишааз. Бара боуп изтәу.
А с ҭ а н д а. Уара сара схаҵа уоуп.
А с ҭ а м ы р (даԥхьоит). «Мшыбзиақәа, Асҭандеи Асҭамыри!»
Ҳҩыџьагьы ҳахьӡала иҩит. (Иацҵаны даԥхьоит.) «Абри ашәҟәы
шәзызыҩуеит, избанзар уажәшьҭа сара азин сымоуп асеиԥш
иҟоу ашәҟәы шәара шәзынашьҭра. Аамҭа акыр набжьысит.
Саргьы иаҳа сшьара сықәлеит. Исхашҭқәаз рацәоуп. Аха, мап,
амц сҳәар акгьы иаԥсам, сзацәымцацкәа, исхымԥсаацкәа
иаанхеит, аринахысгьы исзынхозар акәхап акы – бара бышҟа
абзиабара, Асҭанда. Исхыԥсааз даҽакуп. Исхыԥсааит агәала,
ахыбаара. Урҭқәа сырнышәеит. Агәра згазар акәхап уаҳа
ԥсыхәа шыҟамыз, мамзаргьы убас сылахь ишаныз. Сара исҭа
хуп абарҭқәа бдыруазарц. Ижәдыруазарц шәара шәҩыџьагьы.
Сгәалақәа, агәаӷқәа риааира мариамызт. Исзымариам абри
ашәҟәгьы аҩра. Аха схы сзаиааины исызҩыр, ҳазегьы
иаҳзеиӷьуп. Ҳазегьы ҳазмырҭынчуа, ихьанҭаӡа ҳгәаҵа иҭоу,
еидарак ҳнаҵыҵуеит. Абраҟа исҳәақәо цқьа шәрызхәыц.
Сара сҩызадам. Аха шәаргьы шәысцәыӡыр сҭахым. Уԥҳәыс
бзиа дахьызбо угәы иалымсын, Асҭамыр. Абраҟа сааижьҭеи
еидысхәыцлақәаз шьарда ирацәоуп. Абраҟа сааижьҭеи
еидысхәыцлақәаз шьарда ирацәоуп. Адунеи акгьы сзалам ҳәа
сыҟан санаауаз. Уажәы агәра зго салагеит, мышкызны саргьы
насыԥ сыманы сҟалар шалшо. Сынасыԥгьы сыбзиабарагьы
макьана саԥхьаҟа исзыԥшуп. Уахь амҩа сықәуп. Агәра згоит
сшынаӡо уанӡа. Шәара лахьынҵала шәеибаԥшааит, бзиа
шәеибабеит. Ус анакәха, насыԥ шәымоуп. Насыԥ бзиа анцәа
ишәиҭааит. Мышкызны, саргьы насыԥ ансоулак, агәра згоит,
ишсыдышәныҳәало, сынасыԥ шәшеигәырӷьо. Убас шакәхо
агәра сымгозҭгьы, исыҩуамызт абри ашәҟәы. Саҳәшьа, сан, саб,
сҭахцәа закә блоу излашәыхәаԥшуа убра сыҟоушәа издыруеит,
аха егьоурым, ишәычҳа, мышкызны урҭгьы еилыркаап.
Ишәанасыжьша хара дук шәыдны избом. Аиашазы, иҳагхеит
гәаартыла аицәажәара. Еиҳарак ари ззысҳәо уара узыҳәа
ноуп, Асҭамыр. Наӡаӡаҵәҟьа шәара ишәысҭаз џьышәымшьан
ҳақалақь. Уи саргьы истәуп. Иҟалап, даҽа ҩымз-хымзҟа
сынхар араҟа. Акы, сшьара сықәлоит, зегьы схасыршҭуеит.
Ҩбагьы, ишәцәызӡом, џьабаала аԥара маҷымкәа исырҳауеит.
Абарҭқәа рыдагьы, араҟа саҿуп даҽа ус дукгьы. Абна ахьча
ра.Иџьашәшьашт, абна абаухьчои, иԥуҟозар ҳәа. Иҟоу уиоуп,
абна ԥуҟар ҟалоит ԥырхага амҭаӡакәа. Аха иҟалоит ахы
изымҩахо, ишьаҟьаны ишьҭаҵо иԥуҟаргьы. Абрахь смаар
амуа, сзықәшәаз, акаҿы исыхәеит. Исыԥшааит сара схықәкы,
сыԥсҭазаара ззыскша. Ирымҳәои, ҵлак еиҭазҳаз ауаҩы дыԥ
суам ҳәа, нас ишԥаизҳәатәу иԥҟатәымыз ҵлак зыхьчаз?
Ажәакала, сҵас хәыҷала, сзызхәыцқәо, сызҿқәоу, рацәоуп.
Саашәгәалашәыршәала. Шәара шә-Мамсыр.»
А с ҭ а н д а. Ишԥеиҳәеи? (Даԥхьоит.) «Шәара шә-Мамсыр.»
Ҳара ҳ-Мамсыр. (Лылабжышқәа рҿаархоит.) Изакә гәамчыз
иаҭахыз абри иҳәарц азыҳәан… (Лылабжышқәа рыцқьо). Ҳама
ҭәақәа ҳәа акгьы еизысымгаӡац. Уара адәқьан ахь уаныҟаз,
абра аӡәы дыҟан. Усзымҵаан дызусҭаз, нас иуасҳәоит.
А с ҭ а м ы р (аԥенџьыраҿ днеины, адәахьыҟа ашофер
изҿиҭуеит). Гәдиса! Саҭаумҵан уахьсыруадаҩыз! Иҭабуп
уахьааз. Ҳара ҳцаӡом. Ааи, ааи, џьаргьы ҳцаӡом. Иҭабуп,
абзиараз!
А с ҭ а н д а. Ҳара ҳ-Мамсыр… Асҭамыр. Иҽазҵәылхны
дшашьҭаӡамыз, иламыси иуаҩреи ирыбзоураны, ашьшьыҳәа
дыҩхалеит Ерцахә ақәцәахь. Ҳарҭ ҳахьзымнеиз, иԥшьоу
ашьха ақәцәан дҩеин, сара соуп уи зтәу ҳәа днықәгылеит
Мамсыр. Уаҟа дҩеит уи, уаҟа дагьаанхоит наӡаӡа. Иҟалап, ҳарҭ
ҳазегьы ҳцымхәрас дҩеизар иара. Рацәа даҳиааит. (Ихазы.)
«Иара адунеи мыждагьы мардуануп,» – иҳәеит…
А с ҭ а н д а (лыбжьы мырдуцәакәа, иаалырҟьаны). Асҭамыр…
Сара сцәастәым, ахшара дҳауеит.
А с ҭ а м ы р (ииҳәара иҿамшәо). Ишԥа… Ишԥабҳәеи?
Ахшара дҳауеит бҳәоу? Ииашаны ибҳәома?
А с ҭ а н д а. Уара ашьхаҟа уаныҟаз, схы акалашәа избо
салаган, аҳақьым сҽылсырбеит. Уара уамеигәырӷьаӡои?
А с ҭ а м ы р (ибжьы ихәлашәо). Сара самеигәырӷьону?
А с ҭ а н д а. Сара исҭахын макьаназ, даҽа ԥыҭрак сгәыблра,
сыбзиабара зегьы уараӡә заҵәык иудысҵарц.
А с ҭ а м ы р (игәырӷьара ихәлаҵәо). Иҳауа дԥахароуп, аԥа!
Сара аԥа дсоуеит, аԥа! Аҵәҩаншьап.
А с ҭ а н д а. Уеизгьы-уеизгьы дԥахароума? Дыӡӷабхозаргьы
уздыруам.
А с ҭ а м ы р. Сара аԥа дсымазарц сҭахуп. Уеизгьы-уеизгьы
дыҷкәынхароуп.
А с ҭ а н д а. Избан? Аӡӷаб дыцәгьоума?
А с ҭ а м ы р (дааигәыҵаиҳәҳәоит). Дԥахар ихьӡаҳҵо
бдыруоу?
А с ҭ а н д а. Ихьӡуҵозеи?
А с ҭ а м ы р. Мамсыр ихьӡысҵоит.
А с ҭ а н д а. Иҭабуп убас ахьуҳәаз, Асҭамыр.
А с ҭ а м ы р. Аԥа дҳауеит ҳара, аԥа!
А с ҭ а н д а. Уи дҟалап ихьӡ даԥсаны…
А с ҭ а м ы р. Ааи! Ашьха ԥсыцқьа ҭыԥ ихалаз ауаҩ ихьӡ
ихьӡаҳҵоит. Уи дагьаԥсахоит. Ашьха ақәцәан аӡәгьы дмиӡац.
Ауаҩы диуеит ашьха ашьапаны, уи ашәшьыраҿы. Ихы идыруа
даныҩеидаслак инаркны, ашьха днаҿалоит. Џьара икәараҵоит,
џьара иҿыбгоит, џьара хланҵы инҭалоит, аха еиҭа ҩадаҟа
аҿынанахоит уи амҩа. Дасу иара ишьха ҳаракыра ақәцәан
дхалароуп. Дхалароуп ибарц амра, ажәҩан агәиаҵәара,
аеҵәа шеишеиқәа реилыџьџьаара. Ибарц азыҳәан ҳәаа змам
акаршәрақәа. Ашьха дхаларц амҩа иқәыз, дызхамлазаргьы,
агәра игазааит ишыҟоу иԥшьоу ашьха ақәцәа. Дыццакцәаны
амҩа дахҟьазаргьы, уи илан абзиабара ду. Аԥшаарагьы
насыԥуп. Инасыԥданы адәы иқәу, знымзар-зны абзиабара
алабжыш зӡамҩа амблыц роуп.
А с ҭ а н д а. Ауаҩы иламыс анҭынчу ауп насыԥ анимоу.
А с ҭ а м ы р. Асҭанда, бара исыбҭеит сара анасыԥ ду.
(Дааигәыҵаиҳәҳәоит.)
А с ҭ а н д а. Ашьшьыҳәа, усҟак сумырӷәӷәацәан…
А с ҭ а м ы р. Бааи, абраҟа бтәа, аа, абас ашьшьыҳәа.
Иабаҟоу ашамԥан-ҩы?! Даҳныҳәап зҽыҵәахны абраҟа
иҭатәоу. Амузыка, иабаҟоу амузыка?! Шәабаҟоу амаҵуцәа?!
Сара сҳауп, сара сыкралуп! Еихьыс-еиԥысуа амаҵуцәа
лымоуп сыԥҳәыс хәыҷы. Џьоукы лыфатә ҟарҵоит, џьоукы
аԥшандагақәа кны ахәхәаҳәа аԥша лнырдалоит, џьоукы
аффаҳәа деиларҳәалоит…
А с ҭ а н д а (убасҵәҟьа ирлафны). Даҽа џьоукы аттаҳәа
деилырхлоит…
А с ҭ а м ы р. О, мап! Уиакзаҵәык – сара! (Иҽынкыланы,
гәҭахәыцрала.) Дхалароуп, дасу ишьха ҳаракырахь дхалароуп!
Быԥшы, иааԥшуеит ҳашьхақәа.
А с ҭ а н д а. Убрахь дхаларц, амҩа иқәу, дигәҭасны аӡәгьы
дыбӷаимҵароуп, аӡәгьы игәаҵа ахәра анимҵароуп. Насыԥ
иоуам, даҽаӡәы днасыԥданы адәы дықәзырхаз.
А с ҭ а м ы р (дҩагыланы, аԥенџьыр далԥшны. Ашьхаҟа
дыԥшуеит, Асҭандагьы днеины днаидгылоит). Урҭқәа
иҳарҵап ҳара ҳҵеи, ҳара ҳаҷкәын. Ицәгьазаргьы, ихьанҭа
заргьы аиаша иаҳа ишеиӷьу идыруа, иуаҩра еилеимго, ила
мыс имҟьашьуа дҳааӡап. Сара агәра згоит, убасҟан иԥшьоу
уи ашьха ақәцәан дышхало ҳара ҳҵеи, ҳара ҳ-Мамсыр.
Аԥарда
1973, Ԥсҳәы
Дадгәыл
(Ажәлар рҳәамҭахьтә)
Адрама быжь сахьак аманы
Иалақәоу
Дадгәыл
Бзгьаус
Алд а џ а
Ал м а хс иҭ
Сыкәын
Баҭалбеи
Ахьчаҭаҳмада
Ахьчаҷкәын
Актәи ахаҵа
Аҩбатәи ахаҵа
Актәиасахьа
Аԥарда аатаанӡа, аҽышьҭыбжьқәа ааҩуеит. Игоит: «Уас! Уас! Думышьҭын!
Уеиха!» ҳәа аҿыҭыбжьқәа. Маҷк иааҭынчрахоит. Инахараны азар ашәа
рҳәоит. Ашьшьыҳәа иаатуеит аԥарда. Дааиуеит Д а д г ә ы л. Деилҟьаеилӷәыцәӡа, ҽыҩ-ҷкәын маҭәала деилаҳәоуп, еиҩырҿаны аҟамчы лкуп.
Д а д г ә ы л (дгәырӷьаҵәа). Аԥхьахә рцәызгеит изулакгьы!
Шаҟа дыҷкәына еилҟьоузеи ҳәа акәын ишысзырҳәоз. Ҳы, ша
ҟа дыҷкәына еилҟьоузеи!.. Аҳ Маҳмуҭбеи ихаҭа исыдиныҳәа
леит. «Уҽырҩышьа сгәы иахәеит. Узыҳәозеи, иузыҟасҵарц
иуҭахузеи?» – ҳәа дансазҵаа, сыԥсҭазаара зегьы ааины сыбла
иаахгылеит. «Акгьы саргәаҟӡом, аҳ, ухаҵкы сцеит, уара Аԥсны
уагымхааит, сара уаҳа акгьы саҳәом», – анысҳәа, сцәажәашьа
игәаԥхазар акәхап, иҩызцәа днарҿаԥшит, нас, иԥаҵақәа
ыршо: «Узԥада, арԥыс, ашьацқьа иалҵыз уреиуоума?» – ҳәа
дсазҵааит. Еиҭах мацәысеимҟьарак иаҩызаха, сыԥсҭазаара
зегьы саԥхьа иниасит. Аха ҳәашьас иамаз! (Иаалырҟьаны.)
Ауаҩы дзықәшәалакгьы ихамышҭуазароуп, ихәырны ацаҟьа
иамышьҭуа аӡыхь иара ижәырц ишыҵыҵуа, ишеишеиуа
икыду амра иара изыҳәангьы ишыԥхо. Сцапишь, сҽыҩ цқьа
иларга-ҩарымгар, ихәжәаны иԥсуеит, насгьы Баҭалбеи даҽа
знык сиҳәароуп, уҽыҩ аԥхьахә ахьасыргаз азыҳәан ҳаҭыр
сықәуҵозар, убарҭ, зыӡбахә уасҳәақәаз ауаа аҩныҟа инаԥхьа
ҳәа. Дара зегьы еиқәшәаны анцәа ишԥасиҭеи!.. Сишь, арахь
иаауашәа!..
Аҟамчы ашыҩҵәҳәа иҟьаны дцоит. Макьанагьы рҽырзеиқәымкыцкәа,
«ауу» рыхга, ацәажәаха рибамҭо иааиуеит аҭауадцәа, аамысҭцәа,
ашьнаҟмацәа. Рызегьы лахҿыхуп, рхы-ргәы алаҟоуп. Б а ҭ а л б е и захьӡу
аҭауад идырныҳәалоит иҽы аԥхьахә ахьагаз. Уи иоуп, ҳазқәыԥшуа
ашҭеи хара игылоу аҩни рыԥшәмагьы.
А к т ә и а х а ҵ а. Уҽыҩ ҷкәын иоуп сара иџьасшьо, Баҭал
беи, уҽыҩ ҷкәын! Акәадыр даласазшәа дахьақәтәаз, ахьшьыц
ба аҟара дласын. Сыбла ааихмырсыӷьӡакәа сихәаԥшуан,
машәырынгьы икәымжәы аԥшьқәа џьара инаиҵымшәеит! Еҳ,
сабиц, Омар-ԥашьа дыӡхымҵызҭгьы!…
А ҩ б а т ә и а х а ҵ а. Аԥҳәысеиба Ҟаимыҭхан сааигәара
дыштәаз схашҭит, убасҟак сыблақәа хикит уи уҽыҩ ҷкәын.
Шаҟа ирманшәаланы амҩа иқәиҵоз аҽы! Дабауднагалеи,
дызусҭадашь иара?
Б а ҭ а л б е и. Уаҩ дзызҵааша шьҭраҳәа акгьы имам. Нхаҩ
хьыԥшык диԥоуп. Шәааи аҩныҟа.
А л м а х с и ҭ. Ашоураха, абра ашәшьыраҿ ҳтәап.
Б з г ь а у с. Аҽыҩ ҷкәынгьы дыцәгьамызт, аха аус злоу
аҽоуп, аҽы!
А ҩ б а т ә и а х а ҵ а. Иашоуп! Баҭалбеи иеиԥш аҽыҩ
сымазҭгьы, лгәы хыхны, лыԥсы сырмаҷуан аԥҳәысеиба Ҟаи
маҭхан. Ацәхьа скызар, уаҩытәыҩса дшысымныҳәара исны
ҳәон ани аҩыза аҽы!
А к т ә и а х а ҵ а. Уасны изурҽхәозеи сҳәахуан. Еҳ, са
биц, Омар-ԥашьа дыӡхымҵызҭгьы!..
А ҩ б а т ә и а х а ҵ а. Иҟоуҵашаз Омар-ԥашьа дыӡ
хымҵызҭгьы? Омар-ԥашьа аҳәақәа рзыҳәан дыԥсцәаҳаха
дыӡхыҵит. Аҳәақәа урықәтәаны уҩуазма иахьа? (зегьы еибар
ччоит.)
Б а ҭ а л б е и. Шәааи аҩныҟа, шәыххь згеит!
Б з г ь а у с. Ашәшьыраҿ еиӷьуп, аԥша ахәхәаҳәа иҳасуа.
Б а ҭ а л б е и (аҩныҟа ҿиҭуеит). Амаҵуцәа! Аҩны уаҩ
шәахӡами?!
А л м а х с и ҭ. Аа, абар, Баҭалбеи, уҽыҩ ҷкәын дахьаауа.
(Даауеит Дадгәыл).
Б а ҭ а л б е и. Ахьӡ ахьсургаз азыҳәан, Дадгәыл, сара
узсыҳәаз ҟасҵеит. (Иҩызцәа рахь дынхьаҳәны). Иахьа
шәсасны шәызҭоу абри арԥыс иоуп. Аӡәаӡәала зегьы
шәыхьӡ ҳәаны, дсыҳәеит аҩныҟа шәаасыԥхьарц. (Дадгәыл
лахь). Абар, асасцәа. Уажәшьҭа иаҭаху уара иудыруеит,
уқәгьежьаа.
Д а д г ә ы л (дхырхәаны). Исаҳаит, саҳ ухаҵкы.
Б а ҭ а л б е и. Аҽырҩраҿы ахьӡ угеит, абраҟагьы ухы
умырԥхашьан. Рымаҵ аура саҭәахап ҳәа уԥхыӡгьы иалам
шәашаз асасцәа дахьқәа ҳҭоуп иахьа. Иухьзеи, улакҭақәа
уамак имыччошәа збоит, асасцәа рԥылашьа узымдыӡрои!
А л д а џ а. Даҭоумҵан, Баҭалбеи, иухьша сара сагааит!
Аныхачаԥа иаҩызоу ауаа даныргәыдԥшыла, игәы цагәышьеит.
(Ииҳәаз ргәы иахәамашь ҳәа дырҿаԥшуеит. Дадгәыл уи
ииҳәаз лгәы иааҵаххуеит, аха лхы лнапаҿы иааганы, лыхҭар
ԥа ларҟәны лыблақәа иҵегь илҵәахуеит).
А л м а х с и ҭ. Иибахьоу сыздыруам, аха ҭеиҭыԥшла,
Баҭалбеи уҽыҩҷкәын, ақьаҳиара акәым, анхаҩы ишьа далҵит
уҳәар дрыцҳауп.
А л д а џ а. Аиеи, ухаҵкы сцеит, ус ами, ахы сҿашәартә,
исамхаҳәеит. (Ихазы.) Ԥшра-сахьак змоу, ҭауади-аамсҭеи
шәыда аӡәгьы дихылҵуамҳәоуп усгьы шәшыҟоу.
Б з г ь а у с (Алмасхит иахь). Уи иашаны иуҳәеит, Алмахсиҭ.
Ашьабсҭеиԥш иӡара калаӡа, ихәда ҭхәаа, анцәа дигәаԥханы
иишаз аӡәы иоуп.
А ҩ б а т ә и а х а ҵ а. Шәара акы шәҳәоит, сара данааиуаз
иныҟәашәала дыԥҳәызбаз џьысшьеит.
А к т ә и а х а ҵ а. Уара ҵла хҵәахак унахәаԥшыргьы, шьал
касыла лыҽҭаҳәҳәа ԥҳәыск дтәоушәа ублақәа иудырбоит.
А ҩ б а т ә и а х а ҵ а. Издыруада, уара Омар-ԥашьа инир
ҵәаз уҳәақәа рӷәырбжьы акәзар иуаҳауа аҳәса анубо?
А к т ә и а х а ҵ а. Иҳәахьшьцәа ҵҩа рымам ҳәа сара
исзырымҳәацызт. Сара Омар-ԥашьа сыҽқәа сцәигеит, сыҽ
қәа!
Б а ҭ а л б е и (Дадгәыл лахь). Аҳкәажә дабаҟоу? Асасцәа
дзырԥымлазеи?
Д а д г ә ы л. Аҳкәажә аҽырыҩрахьтә дыхнымҳәыц, саҳ
ухаҵкы!
Б а ҭ а л б е и (еиҭа инақәырӷәӷәаны.) Асасцәа дуӡӡақәа
ҳҭоуп, аҳҭны-ҳәсахәыҷқәа уцырхырааны, акы шәамеигӡакәа,
афатә шәырхиа. Уалаԥшны иреиӷьу шьтәак ацәа ахырҵәраа,
реиҳа зхыҵуа ҳаԥшьак хты.
Б з г ь а у с (Сыкәын иахь, уаанӡа излацәажәоз инацҵаны).
Абнацгәеиԥш, абна днылашәкәа дышԥацеи уара?! Ииашаны
иуҳәеит, ииашаны, уи аԥҳәыс илхылҵыз аӡәы лакәмызт,
дӡызланын. Лыхцәы хҵәаны, аҭуанаҿ иҵәахны имазар
акәхарын, илыԥшаазҭгьы, дцеит дныҵашәкәа. Сара абыржәы
иуҳәоит ада исмаҳацызт Алмахсиҭ абри аҩыза дшақәшәаз.
Сидышшылоит.
С ы к ә ы н. Уаҟәыҵ. Ахәра уакьысцыԥхьаӡа имжьыжькуеит.
Лыӡбахә аацәыругар, иблагәқәа ҩыҭҭәаауеит. Дгызмалымзи,
лхы бзиа илырбеит, игәи игәаҵәеи лфеит. Абар, арахь дааи
уеит иаргьы, иузымдырӡошәа ҟаҵа.
Б а ҭ а л б е и (Бзгьаус днаскьаԥхьаны). Бзгьаус, иажәа
ԥшӡам иуасҳәо, сыҩны уҟоуп, аха исымҳәар исзычҳауам. Уара
ашьацқьа злоу ҭауадуп…
Б з г ь а у с. Уареи сареи ҳабжьара ажәа ахҳәаара заҭаху
зеи, иаахтны уцәажәа, Баҭалбеи.
Б а ҭ а л б е и. Уи иахьа сара даасԥхьеит сыҩныҟа, аха
абжьааԥназоуп изысҳәо. Аҽада аҽқәа ирылоуҵар изрылаҳә
уам, Бзгьаус.
Б з г ь а у с. Алдаџа дахьсыцу аума угәы иамыхәаз?
Б а ҭ а л б е и. Уахьынаҵыслакь умаҟахы дадҳәалоуп. Уара
аҭауад дук, ҩызас уи душьашәалам, угәы иалымсын.
Б з г ь а у с.Уара удагьы исаҽԥнырҳәақәахьеит. Ишԥазури, угәы
иалымсын, зԥа дымԥсыц – уԥа диумырҵәуан, рҳәоит, сыхәда
ԥызҟаз сыԥҳа мыжда, иара иакәын дзааӡоз, лцәа ихыскаауеит,
насгьы ӷьычра-қәычрак аҿы аӡәы ишьҭахь дгылом иара. Сара
исҭаз аҟамоуп иҟәнугьы, аӡәыр ихи-ихәамци еицәурӡырц
уҭахызар – дыхиоуп, ибла аԥыџьгьы ҵысуам…
А л м а х с и ҭ. Шәара ишәҳәақәогьы бзиоуп, аха сара
сыблақәа сзиҟәымҭхо сызхәаԥшуа Баҭалбеи уаҳҭны рԥыс
иоуп. Аҽықәтәара мацара акәымзаап уи илоу, шәизыԥши, ина
хьхьи, амжәа ашьапаҿы икнаҳаны ашьтәа ацәа шаҟа ирласны
иахихуа. Сиеилаҳаит.
Б а ҭ а л б е и. Дыԥҳәызбазар, гәмырҿыӷьгас дусҭон, аха…
Зегьы еибарччоит.
Д а д г ә ы л ашьтәа азшьапык лыманы дниасуеит.
А к т ә и а х а ҵ а. Убри ашьтәа ирласны иахьааиҿиҟьҟьазоуп
сара иаҳа сгәы иахәаз. (Ибз иқьышә иаақәишьуеит.)
А ҩ б а т ә и а х а ҵ а. Дабауԥшааи иара, Баҭалбеи?
Б а ҭ а л б е и. Чныр ҷкәынак дсыман, Тҳәыбын амшын
аԥшаҳәаҿы, абааш азааигәара, аԥсаса иманы дшаваз, џьоукы
дыкны, дҳәынҷаны аҭырқәцәа дрырҭеит. Дысцәырҭиит.
Б з г ь а у с. Иҳаӷрымӡааит, аиашаз, урҭ ахылԥақәацәқәа!
Аҳәса реиԥкақәа реиԥш, реиқәақәа бӷьаауа, цәгьара ргәы
иҭаӡамшәа иааӡхыҵуеит, нас, ҷкәын, ӡӷаб аӡәы дырбаны
даанрыжьуам.
А л м а х с и ҭ. Еиҳабацәақәак шәҿаԥхьа сара исҳәо
издыруазеи, аха са сгәанала, ҳара ҳауп зегьы зхароу.
А к т ә и а х а ҵ а. Сара аҽыҩ бзиақәа шсымаз Омар-ԥашьа
иабаидыруаз. Сара стәқәа роуп сызҭиз.
А ҩ б а т ә и а х а ҵ а. Ҳаҳәсахәыҷқәа ракәзар, иреиӷьқәоу
дара инарыхәлаҳаԥсоит.
Б а ҭ а л б е и. Нас, чнырда сықәханы сшыҟаз, сыхьча
ҭаҳмада абри абнаҿ дибан, дысзааигеит.
А л м а х с и ҭ. Аҽа-ԥа Џьамхәыхә иеиԥш, шәарах дааӡама,
абнаҿ дышԥеибоз уара?!
С ы к ә ы н (ихала). Уара уԥҳәыс абнаҿ думбазшәа.
Б а ҭ а л б е и. Шәықәсык аҟарагьы аԥсаса дрыцҵаны
дсыман. Ашьҭахь, ицәажәашьа, ихымҩаԥгашьа сгәаԥхан, аҩ
ныҟа даазгеит.
А ҩ б а т ә и а х а ҵ а. Аҳҭны-ҳәсахәыҷқәа рыцәа урӡит.
Б а ҭ а л б е и. Дара иҿынҵәаауеит, аха иара дхьаԥшынгьы
дрыхәаԥшуам.
Д а д г ә ы л аирыӡ азна аҩы ааганы аишәа инықәлыргылоит.
А л м а х с и ҭ. Ашьацқәа злоу иакәзар, иашаны еишьас
дҟасҵон. Сара абас арԥыск симеилаҳацт.
Б а ҭ а л б е и (Алмахсиҭ иахь). Иахьа сҽы аԥхьахә анага,
уара уаԥхьа аӡәгьы исыдимныҳәалеит, сыҩнгьы иахьада
умааицт. Уара сыҩны узеилаҳаз уаҩсхуа анцәа иумҳәан.
Иуцәызӡом, сара сгәаҵәа дадҳәаланы дсыман, аха дусҭоит,
Алмахсиҭ, абри арԥыс иахьарнахыс уара думаз! Уҽышькыл
иклап.
Зегьы ауу ааилдыргоит.
А л д а џ а (ихала). Бзиак шәыбла иҵашәар усгьы шәара
ишәтәызароуп.
А к т ә и а х а ҵ а. Алмахсиҭ уи иаҵахо иакәӡам.
А ҩ б а т ә и а х а ҵ а. Араҟа аишәа ҳнахыҵны, Алмахсиҭ
иахь ҳҿынаҳхар акәхеит.
Б а ҭ а л б е и. Ее, Дадгәыл, исҳәаз умаҳаи? Џьара умцан,
аҭауад Алмахсиҭ даныхынҳәуа, унаиҽхьынҵаны уигап.
Д а д г ә ы л. Саҳ, ухаҵкы, саҭоумҵан ас сахьцәажәо. Умаҵ
ишахәҭоу исзымуазар, уҩны сдәылуцар улшоит. Амала, ас
еиԥш ала сара џьаргьы сцом…
А л д а џ а (Сыкәын заҵәык иаҳартә). Арҭ, ҭауади-аамсҭеи,
дара рыҵаҟа игылоу зегьы ҳаиуанқәоу џьыршьоит.
С ы к ә ы н. Амҩан бырлашк каршәны иубаргьы дара
рыхәда инахауҵароуп.
Б з г ь а у с. Даҭоумҵан, Баҭалбеи, уажә ас еиԥш аҭак
ахьыҟаиҵаз. Иҳәашьа цәгьа исгәаԥхеит.
Б а ҭ а л б е и. Бзгьаус иразҟы уаҵанакит акәымзар,
уцәа уҭысцарын, аҷкәын. Ибзиоуп, исаҳәишь урҭ уажәақәа
змааноу!
Д а д г ә ы л. Асас дахь маҭәа бзиак деилаҳар ирҭоит,
ҳаиуанк игәаԥхар дахырбаауам. Усеиԥш аԥсуаа ҵасны
иҳамоуп, аха асас ауаҩԥсы диеилаҳаргьы харшәҵас дирҭо,
усеиԥш аҵас џьаргьы иҟам. Шәарҭ, абзиақәа шәҟынӡа сара
рыцҳа сназгозеи, амала, ашышкамсгьы ишакәым уазныҟәар
иуцҳауеит… Саҭоумҵан ас сахьцәажәаз…
А ҩ б а т ә и а х а ҵ а (аҵәы налаҵаны). Аиаша иҳәеит.
Дыԥҳәысума ари, уара изаауҭаххалак диуҭо. Хаҵас ихы
ишьоит. (Ихала дыччоит.)
А к т ә и а х а ҵ а. Мамзаргьы, еидцаланы Омар-ԥашьа
сыҽқәа шигаз еиԥш… (Уигьы ихала дыччоит.)
Д а д г ә ы л. Шәхаҵкы сцеит, аԥҳәысгьы илдыруеит
дышуаҩԥсу, лхы лара дшақәиҭу.
А л д а џ а. Ари, шәарҭ ашлақәагьы шәирҟәыӷоит убама?!
Дзыԥсоузеишь аԥҳәыс? Аԥҳәыс ахра иаҿоу ақәасаб даҩызоуп.
Раԥхьа ахраҿ изнеиз ашәарыцаҩ игәы ахәша нықәлоит.
Д а д г ә ы л. Иашоуп, агыгшәыг адунеихаан ақәасаб
изавсуам.
С ы к ә ы н. Даҽакы иаҳа ҿаҵахәыс изоурызеи, игыг
шәыгзаргьы раԥхьа избаз иатәызааит…
Д а д г ә ы л. Арыцҳарақәа маҷымкәа иахҟьахьеит, аԥҳәыс
лхы-лыԥсы лара дшақәиҭу ҳара ахацәа зны-зынла шәҿаԥхьа
иахьаҳхашҭло иахҟьаны. Саҭамыз, еиҳабацәақәак шәҿаԥхьа
сгыланы сахьцәажәаз. Сгаӡара санашәыжь. (Дреихырхәаны
дцоит.)
А л д а џ а. Ицҳафыруа аҳәеиԥшоуп ари абз шиҿоу.
Баҭалбеи ду иҩнаҭа уахьыҟоу унасыԥ иакит акәымзар,
узажәӡа, аиҳабацәа урҿагыланы ацәажәашьа усырҵарын
сара ибзиашәа! (Иҟама аҭра иааҭырҵәрааны ахьеҩҳәа
инҭеиҵоит.)
А к т ә и а х а ҵ а. Ушьапы даӷрагылазшәа, уи ииҳәаз уара
ухы изақәуҵазеи?
С ы к ә ы н. Аты абла аноу аџьымшь, аџьымшь аҳәон ҳәа,
шәанааиацәажәа, ицәа дҭачӡа, ахшыҩгьы шәырҵара далагеит.
Убриоуп Алдаџа игәы иҵаххыз!
Б з г ь а у с. Баҭалбеи, уқьаҳиа ҷкәын ииҳәаз ҭауадиаамсҭеи аӡәгьы ҳхы иақәҳамҵаӡеит, нас, абарҭ Алдаџеи
Сыкәыни рхы иақәырҵартә ираҳаз удыруазар? (Дыччоит).
Ауаҩы иԥхыӡ иаламшәашаз лабҿаба ианибалакь, мыцхәы
дахӡыӡаауеит.
А л м а х с и ҭ. Сара сыбзыцәашьа ишакәым ихцәажәаз сара
сҟыноуп аус ахьимоу. Уи дышьнаҟмазаргьы аамсҭак ишьҭахь
дгылом.
Б з г ь а у с. Уажәы уара уҵҟьах! Иараби, аџьма анынҵәа
ша, тәыҩала еисуеит ҳәа, уамак шәԥеиԥшуп иахьа, изакәу
сыздыруам аха!
А к т ә и а х а ҵ а. Шәарҭ ишәԥеиԥшу сыздыруам, аха адунеи
аԥсахраны иҟоуп абри аирыӡ иҭоу аҩы!
А ҩ б а т ә и а х а ҵ а. Уара умгәахь ицазгьы џьаҳаным аҭы
ԥымхеи!
Зегьы еибарччоит. Абри ахьынӡарҳәоз ҿымҭ-ԥсымшьа аишәа лырхиоит
Дадгәыл. Аҵәцақәа аҩы рҭалҭәоит. Аныҳәаҿа аашьҭихуеит Баҭалбеи.
Б а ҭ а л б е и. Анцәа улԥха-угәаԥха ҳаҭ! Ҳаибабара
еиԥкымзааит!..
А к т ә и а х а ҵ а. Иуҳәо зеиӷьаҟамоуп, Баҭалбеи, аха
ҳҵас бзиа маҷк еиланагозаргьы, сара исҭахуп, абарҭ зегьы
ҳаиқәшәара зыхҟьаз, уҽыҩ аԥхьахә ахьагаз удныҳәаланы
изжәырц.
Б з г ь а у с. Ииашаны иҳәоуп! Ура! Ҳара ҳаҽқәа аҵа
хагәышьеит, аха сузгәдуны иудысныҳәалоит, Баҭалбеи!
Б а ҭ а л б е и! Шәахыццакцәеит, шәыххь згеит, уи аны
ҳәаҿа анкылара. Абри ачеиџьыка аахәаны сшәыҳәоит, шәмы
ццакыкәа, акы шәнацҳарц. Еснагь ас ҳаиқәшәом.
А к т ә и а х а ҵ а. Қьаҳиа зыҩны дыҩноу ццакра имаӡам.
А л д а џ а. Ақьаҳиа дызмам ҳәа араҟа уаҩ дыҟам.
А к т ә и а х а ҵ а. Уара, анхаҩгьы ақьаҳиа думоума? Ҳам
ԥсыр егьа ҳаҳап ари адунеиаҿ. (Зегь рахь.) Иаразнак инҭаҭәанҭаҭәаны, ҳҽаршьны ҳхылда-ӡылдо акәымкәа, лакәк ҳҳәап,
ажәабжьк ҳналацәажәап, аамҭа ҳхаагап. Зыҟны ҳаҟоу аԥшәма,
фатәы-жәтәы згым уаҩуп, ццакра имам.
А ҩ б а т ә и а х а ҵ а. Уара умыццакуазар сыздыруам, сара
ԥҳәыс лыбла сахьҭамԥшыз – агәҿыӷь сагеит.
А л м а х с и ҭ. Шәыпату схы иқәуп, сыҵкыс, шәеиҳаба
цәоуп, аха аԥҳәыс анышәҳәа, сгәы иааҵаххит. Аԥҳәыс бзиа
дбатәым, ииашаны. Угәы иҭоу зоуҳәаз, уԥсы ахьҭоу икит
ҳәа, уара угәы-уԥсы лнапы ианҵаны ушыҟоу, иаалырҟьаны
ларгьы дыҟамкәа, гәгьы узҭамкәа, уашәақәлацәа уаары
лахоит.
Б з г ь а у с. Абас ҳшеиқәшәоз здыруазҭгьы, сара саҳ
ҭынраҿы ажәабжьҳәаҩык дсымоуп, ажәала ахш агәараҳәа
еилеиршуеит, дышәзаазгон. Аҳәса рыӡбахәгьы шаҟа шәҭаху
шәеиҳәарын.
Б а ҭ а л б е и. Шәыҩныҟақәа шәмыццакыр, ибзианы
шәныҟәызгаз џьысшьап.
Б з г ь а у с (актәи ахаҵа иахь). Ажәабжьҳәара анаԥшьуга,
уара ухаҭа џьара акы ҳауҳәарц уҭахымкәа уҟам.
А ҩ б а т ә и а х а ҵ а. Уиҟәаҵ, уи даацәажәар, Омар-ԥа
шьа даныӡхыҵ, иҽқәа ирықәтәаны, иҳәақәа еидцала ишын
дырҵәаз атәоуп ииҳәо. Иара изыҳәан уаҳа Аԥсны рыцҳара
иақәымшәаӡац.
А к т ә и а х а ҵ а. Уара изҳәо, шаҟаҩы аҳәсахәыҷқәа
ужьахьоуи, шаҟа ҵәыца аҩы ужәхьоуи раамышьҭахь, ҽакы
уалацәажәо смаҳац.
Иааҭынчрахоит. Аҩы знаҳауа Дадгәыл, аирыӡ кны дгылоуп.
Д а д г ә ы л (лхазы). Сыззыԥшузеи? Рызегьы еиқәшәаны сыла
иабартә сызшаз насыԥс иансиҭа, изцәырсымгозеи? Игәаӷьтәуп,
игәаӷьтәуп. (Итәоу рахь.) Шәхаҵкы сцеит, шәеиқәышьшьы
шәзаанхеи? Изцәыршәымгозеи ажәабжьк?
Б з г ь а у с. Издыруада, уара ухаҭа акыр ҳауҳәарц уҭа
хызар?
Д а д г ә ы л. Арҭ шәеиԥш абзиақәа шәҿаԥхьа сабацәажәа
ри акәымзар, ажәабжьк саргьы исҳәаргьы ҟалап.
Б а ҭ а л б е и. Ҳаит, ала идырҽхәаз ачашә амфеит ҳәа,
аиҳабацәа урҿагыланы ушԥацәажәо иахьантәарак! (Ихы
рқьиауа, иҩызцәа рахь.) Мышкы хәлаанӡа уиҿызаргьы, ажәак
узирҳәомызт абжьааԥны, иахьа иҵалаз сыздыруам, аҟьала
дудугалар абас уирԥхашьоит.
А к т ә и а х а ҵ а. Уиҟәаҵишь, ицәажәашьа злаҟоу ала,
ажәабжь бзиак идыруазаргьы ҟалап. Қәрала иауҟаху ажәабжь
аҳәара, агәырҵҟәыл ауп аус злоу.
Деилҟьа-еилӷәыцәӡа даагылоит Д а д г ә ы л. Даҽаӡәы илыхьызшәа
аҳәара далагоит, ажәала ахш еилазыршыша ажәабжь.
Д а д г ә ы л. Ажәа аҳәара азин ансышәҭах, ишәасҳәап
ԥҳәызбак уаҩыс лхы ахьылшьози, насгьы лыԥшӡареи ирых
ҟьаны дзықәшәаз.
А ҩ б а т ә и а х а ҵ а. Аҳәса ирызкызар, иажәабжь бзиоуп.
Б з г ь а у с. Уалагашьа ҟаимаҭуп.
А к т ә и а х а ҵ а. Шәизыӡырҩи, уара!
Д а д г ә ы л. Ҭауадк дыҟан, ибзианы дынхон. Ирахә-ишәахә,
имаҵуцәа ҵҩа рымамызт. Дҭаацәаран. Иқәрахь днеиуа дала
геит, аха дҵеидан, иԥҳәыс иаалыхшалак ԥсуан. (Бзгьаус иахь.)
Иаҳҳәап, убри аҭауад, уара уакәзар еиԥш…
Б з г ь а у с. Сароу? Сара ииашаҵәҟьаны хшара дсымаӡам,
исоуз аӡәыкгьы дысмоуӡазшәа сыҟандаз!
А л д а џ а. Дмиӡандаз, саргьы ухаҵкы сымцоз.
А к т ә и а х а ҵ а (Бзгьаус иахь). Алакә уалеиҵар, ма убраҟа
аӡәы дуоур иудыруазеи?! Уааӡырҩишь…
Д а д г ә ы л. Аҭауад иахьагьы-уахагьы хьаас, хәыцырҭас
имаӡаз…
Асцена лашьцоит.
Аԥарда
Аҩбатәи асахь
Инахараны иаабоит зхаҳә-ҵәаҳә еибыҭаны игылоу аҩны. Аӷьеҩ,
аӷьеҩҳәа убраҟа ауасҭара даҿуп актәи асахьаҿы иаабахьоу А л д а џ а .
Уи араҟа дарԥыс қәыԥшуп, уамак ҵуам ԥҳәыс дааигеижьҭеи, инхарагьы
уажәоуп ашьапы аникыз. Амӡырха иакәыршоу аанда ачалт гәашә аҿоуп.
Асцена аганахьтә даацәырҵны, агәашәахь иҿынеихоит Б з г ь а у с . Уигьы
араҟа иаҳа дҿоуп. Аҩбатәи асахьа иалагоит актәи асахьа инаԥшьны,
инацҵаны.
Б з г ь а у с. Сара саныҟамло, саҳҭынра қьаԥҭажәымхан
даз, смал дегьызмаха еимҵәа ирымгондаз, сыҵәҩаншьап
мыӡындаз ҳәа акәын хәыцырҭас исымаз, сыцәар сыԥхыӡ
иалаз. Сара снапала днаганы дисҭароуп, убас иҳәеит аԥшҩы.
(Игәыдкылоу асаби дырҵысуа, дыжьжьо иҿыҩеихоит агәа
шәахь. Агәашә даннадгылалакь, ибжьы неиҵыхны иргоит.) Еи,
уара, Алдаџа! Асасцәа уҭоуп, иудукылозар!
А л д а џ а, Анцәа ихаҭа агәашәаҿ дибазшәа, ииҳәара иҿамшәо, дшанха
ны даанхоит. Иеиха кажьны, днапырҟәыҷы-шьапырҟәыҷуа, дласны
дааиуеит.
А л д а џ а. Аҭауад Бзгьаус уоума? Уара уеиԥш ауаҩ ду, са
ра нымха-хымҵәак сҟны уаазгазеи, уанаџьалбеит!
Б з г ь а у с. Ус еиԥш ухы ларҟәны умцәажәан, Алдаџа.
Ахерра убааит, зшьапы укыз унхара!
А л д а џ а. Абзиара узыҟалааит! Арҭ зегьы шәылԥха сыманы,

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 26
- Büleklär
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3422Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23270.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3424Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23180.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3457Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23760.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3416Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24750.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3405Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23710.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3473Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23150.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3441Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24240.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3410Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23120.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3368Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23750.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3363Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22650.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3437Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23160.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 12Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3332Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22780.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 13Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3379Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23400.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 14Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3316Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22940.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 15Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3375Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23360.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 16Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3413Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23630.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 17Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3378Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21310.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 18Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3368Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23460.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 19Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3361Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22940.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 20Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3385Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23780.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 21Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3046Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21530.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 22Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3962Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20100.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 23Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 4058Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19630.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 24Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 4032Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20700.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 25Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 4407Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20820.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 26Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 4378Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22230.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 27Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 4049Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23200.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 28Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3350Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23360.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 29Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3323Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23120.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 30Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3372Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23150.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 31Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3345Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22630.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 32Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 2958Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19860.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.