Latin

Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 23

Süzlärneñ gomumi sanı 4058
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1963
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
ихианоуп ишыҟоу, ҳахәаҽра, ҳабзиабара ахәаҽра. Ҳазго аӡы
рбар, кәапеик аларҭәоит. Иҳанарыжьырц рҭахым, акымзарак
ҳанарыжьуам. Сара ичҳауа сааиуан, аха уаҳа сылшом, Асҭамыр,
уаҳа сылшом, ҳанбанӡаҟазаауеи абри ақалақьаҿ ҳтәымуааны,
блахаак ҳҭамԥшӡо!..
А с ҭ а м ы р. Ахара зду иоуп акыр занарыжьуа. Сара
акгьы схараны избом. Макьаназ сыламыс сымҟьашьыц. Уаҩ
дсымҭиит, дсымнаԥхеит. Насгьы реиҳа зыламыс цқьам роуп
еснагь даҽаӡәы иқәыӡбара иашьҭоу.

А с ҭ а н д а. Зегьы ирдыруеит Мамсыри уареи шәшеи­
ҩызцәаз.
А с ҭ а м ы р (иналҿархьны). Уаҳа акгьы рзымдырӡои?!
А с ҭ а н д а. Ирдыруеит, зегьы рдыруеит, уиоуп иҟалаз.
А с ҭ а м ы р. Иареи сареи ҳаиҩызцәан, аха сара усҟан
исыздыруамызт бара бзиа бшибоз, исыздыруамызт. Усҟан,
ҩышықәса уажәаԥхьа, бареи сареи ҳанеибадыр, аицныҟәара
ҳаналага, бзиа бибоит ҳәа акәым, шәеибадыруеит ҳәагьы
сыҟамызт.
А с ҭ а н д а (игәыԥжәара хьаршшаны, рцәажәара ҽаџьара
ииалгарц). Сара ибзианы исгәалашәоит, усҟан, аконцертаҿ,
раԥхьаӡа ҳанеибадырыз, уара узыҳәан сгәы иаанагаз.
А с ҭ а м ы р (иаҳа иҽынкыланы). Бгәы иаанагазеишь?
А с ҭ а н д а. Иуасҳәар уҽурԥагьашт. Абри арԥыс даҽазнык,
даҽаџьара, абас ԥыҭрак сихәаԥшлартә, данызба, анцәа иум­
ҳәан, аха сааигәара еиҭах дантәа, сара сҭахеит сҳәеит.
А с ҭ а м ы р. Иауазеи бҭахартә, убасҟак сҿаасҭоума?!
А с ҭ а н д а. Ухы еилагап. Абзиабара узцәырҵраны ианыҟоу,
заа уцәа иалашәозаап, цәгьарак уақәшәараны уаныҟоу еиԥш.
Баша ирҳәом ацәгьеи абзиеи рышьхәа еивҵоуп ҳәа.
А с ҭ а м ы р (ииҳәо агәра гаҵәҟьаны). Бара ишыбҳәо
еиԥшҵәҟьа, агәырӷьара инашьҭарххны иааиуам агәырҩа. Урҭ
усҵәҟьагьы еишьҭам.
А с ҭ а н д а (иаҳа даалахҿыхханы, иаргьы длырлахҿыхырц).
Усҟан, раԥхьаӡа ҳанеибадырыз, уара угәы иаанагазеишь
сара сзыҳәан? Бзиарак угәы иаанагарызушь? Ҳаибадырра
убас имариахеит, ԥҳәыс ласык лакәымкәа дыҟам ҳәа угәы
иаанагазаргьы уиашахоит.
А с ҭ а м ы р (дыхәмарны). Ԥҳәыск ласык, ласкәантраӡак
лоуп сымҳәеи. Аиаша бҭахызар, сара сгәанала ус саахәыцит,
абри аԥҳәызба шаҟа дыԥшӡоу аҟара убасҵәҟьа дагьҟәышушь
ҳәа. Мап, бызжьеит, ашьҭахь мшқәак анҵоуп ус санбызхәыц,
ҳанеибадырҵәҟьаз акгьы сгәы иаанамгаӡеит.
А с ҭ а н д а. Зынӡаск акымзаракгьы?
А с ҭ а м ы р. Бызхәыцха сахьымӡеит. Бызхәыцра сала­гаан­
ӡа, абраҟа сгәаҵа бҭашәахьан. (Ихы-игәы инапқәа нарыдкыло.)
Арҭ, ишыбдыруа, уиаҟара ианеимадам ҟала­лоит.

А с ҭ а н д а (лҽыргызмалны). Убасҵәҟьа иаарласны?
Сужьозаргьы, иуҳәаз сгәы иахәеит. Сжьала, сжьала. (Деи­
лылкаарц лҭахны.) Иаразнак бзиа сызлоубазеи, усҟан уара
ԥҳәыс думанеи?
А с ҭ а м ы р. Сара сыԥҳәыс бзиа дызбаӡомызт, зегьы
сыбмырҳәар бымуазар. Бара бзиа бибон Мамсыр.
А с ҭ а н д а. Исаҽԥнуҳәоушәоуп уҳәашьа шыҟоу. Ус акәу?
А с ҭ а м ы р. Бҳәашьа злаҟоу ала, бара бхала бхы
иаҽԥныбҳәоит, сара ибаҽԥнысҳәом, аха…
А с ҭ а н д а (лгәы иаланы). Дықәҵны дцеит… Дцеит
ашьхаҟа… Бзиала ҳәа ажәакгьы имҳәеит. Сара исыхҟьаны,
зегьы кажь­ны дықәҵит, икаижьит ҳақалақь, иареи сареи
ҳхәыҷра ақалақь.
А с ҭ а м ы р. Анцәа иџьшьоуп, цәгьара ҟамлеит. Дцазар
дхынҳәып. Сара уи деилыскаауеит. Убасҟак бзиа бибон.
Бицәыӡит. Уаҳа ишԥаҟаиҵарыз? Базхәыци. Иара иҭыԥан
сыҟазар, саргьы убасҵәҟьа ҟасҵон. Сықәҵны сцон схы
ахьынахоу. Иҽеимкәа иҟалагәышьеит.
А с ҭ а н д а. Уажәааигәа иаҳәшьа Мактина дсазҵаауан,
ицамҭаз бибарц иҭахын, шәеиқәшәама, ибеиҳәазеи, даны­
хынҳәуа ҳәа акыр бдыруама ҳәа. (Дазхәыцны илҳәеит.)
Ажәақәак беиҳәарц иҭахын лҳәеит. Исеиҳәарц ииҭахызышь?
Аҵыхәтәан данбоубаз уара? Иугәаламшәаӡои?
А с ҭ а м ы р. Ишԥасгәаламшәо. Бареи сареи ҳаиқәшәарц
еибыҳәаны ҳаҟан. Аҽны, ашьжьымҭан сыԥҳәыси сареи ажәа
еимаҳкит. Ҳаицәҳаит. Ҳазхибарҟьаз сгәалашәом. Аҽнынтәа­
рак сшьара сықәҟьаны, сгәы бжьысны акәын сшыҟаз. Исгәала­
шәоит, сшымгәыӷӡоз саԥхьа данаагыла, иаасцәымыӷхеит.
Убасҟан заҵәык… Сҩыза бзиа дахьысԥылаз сцәымыӷхеит. Ухы
еилагап, бара бҳәашьа. Бареи сареи ҳаиқәшәарц ахьеибаҳҳәаз
сымнеиӡеит. Исылымшеит. Сзымнеит. Шаҟа еидысхәыцлаз
анцәа идырп. Сара исҭахым урҭқәа зегьы ргәаларшәара.
Иҟалаз ҟалеит.
А с ҭ а н д а. Иҳәаны, ҳхы-ҳгәы иҭыганы, ҳҽацәаагар еиӷьуп.
Уареи сареи ҳаиқәшәараны ҳаҟан. Иара днеит аҽны.
А с ҭ а м ы р. Иароу? Мамсыру?

А с ҭ а н д а (гәалашәарала, ҭынч). Сузыԥшны сгылан. Унеира
аамҭа ианахыԥа, уск иманы дзымаазаап сҳәан, саахынҳәуаны,
убраҟа сшыԥшыз идыруазшәа, Мамсыр даасԥылеит.
А с ҭ а м ы р. Шәеицәажәама, еибышәҳәазеи?
А с ҭ а н д а. Уаҳа ԥсыхәа ыҟамызт. Сара насыԥс исшьон,
Мамсыр, уареи сареи аиҩызара мацара ҳабжьазар, еиҩыз­
цәак реиԥш пату еиқәаҳҵалар, уимоу, усашьазар иаҳагьы
еиӷьын ҳәа иасҳәеит. Акырынтә срызхәыцхьан сара убарҭ
ажәақәа иасҳәарц, исзымгәыӷьыцкәа сааиуан.
А с ҭ а м ы р. Усеиԥш иҟаз ажәақәа дреигәырӷьарымызт.
Ииҳәазеи?
А с ҭ а н д а. Имцахоуп игәаҵа ишасыз. Сицәшәеит, абри
ихы акы азимуандаз аасгәахәт, убасҟак иԥшшәы аҽаԥсахит.
Деиҵаӷәӷәа дгылан. Уара уоуп, Асҭамыр, усеиԥш агәаӷьреи,
усеиԥш иаахтны аиаша аҳәареи сзырҵаз.
А с ҭ а м ы р. Ажәа бааԥс беиҳәама? Шәыԥеиԥырҵи?
А с ҭ а н д а. Иуҳәо закәи, Асҭамыр?! Мамсыр дзакә уаҩԥсу
уара уаҟарагьы издыруада. Аԥсра еиӷьишьап акәымзар, сара
сгәы нирхом. Цәгьара сзиуам. Амала сара иаҳа исзеиӷьын
ажәа цәаԥҽыгақәа, ажәа гәхыршәагақәа сеиҳәар, дсацәҳар,
сирырҳар. Акызаҵәык исеиҳәаз, баша амала биқәгәыӷуеит
уи, бара быззыԥшу иҳәеит. Асҭамыр адунеихаангьы иԥҳәыс
дкаижьуам, уи иҟазшьа сара издыруеит иҳәеит. Даҽакгьы
нациҵеит, аха уи сызҳәом.
А с ҭ а м ы р. Иҳәа, баналагах.
А с ҭ а н д а. Цәыбзас банааихәо ҳәа быԥшыз, уаҳа
бзықәгәыӷуа ҳәа егьбымам уаҟа иҳәеит. Абарҭ ажәақәа иҳәеит
ҭынч, ииҳәаз иара ихаҭа агәра гаҵәҟьаны дшыҟаз здырыртә.
А с ҭ а м ы р. Ибеиҳәазгьы маҷым, аиашаз, аха иҵегьы
беимҳәакәа шәзеиԥырҵрымызт. Уаҳа акгьы шԥаимҳәеи,
бара, бзиа иибоз, сара, иара ҩызас иишьоз ҳашизныҟәаз
дазхәыцны. Насгьы иара иахь бызлаирхынҳәыша ажәақәак
имҳәакәангьы дҟаларымызт.
А с ҭ а н д а. Ииҳәаз иҳәеит, уара акгьы иуԥырхагам.
Иажәақәа рыгәра згама? Сара угәра згеит уара. Сара уара,
зегьрыла угәра згоит.

А с ҭ а м ы р. Усҟангьу? Сыгәра абабгоз, усҟан сара схаҭа
схы агәра ганы сыҟаӡамызтеи.
А с ҭ а н д а (гәҽанҵарала). Уажәақәа рхы ахьхоу сзеи­
лымкааит. Иуҳәарц иуҭахузеи?
А с ҭ а м ы р. Шьазина лхала дындәылҵны дымцазҭгьы,
лкажьра сылшозу, исылымшозу сыздыруам… Бара сшеи­
лыбкаауа агәра згоит. Саҭабымҵан, аха аиаша бдыруазар иаҳа
еиӷьуп.
А с ҭ а н д а. Уи аҩыза аиаша-жәа зынӡаск исоумҳәаргьы
ҟалон. Еиҳарак уажәы. Аха, исхашҭыз, уара амц аҳәашьа
уздырӡаҵәҟьом. Амала ицәгьамызт, иҳәатәым аиашагьы
шыҟоу уазхәыцлар.
А с ҭ а м ы р (игәы дҭахәыцуа.) Уи ддәылҵны лцарала,
сара саҵкыс дҳаракны, хыхьынтәи дсыхәаԥшуа дҩагылеит.
Уи мацара акәындаз, уиак схы иқәыскрын. Ихьшәаны еилыс­
каазаргьы, ашьҭахь уеизгьы еилыскааит, сара сҩыза, Мамсыр
бара бзиа бшибоз. Абзиабашьақәагьы зегьы еиԥшым. Уиҵа­
шьыцран, убас бзиа бибозаарын. Иџьасшьоит ибзиабара
бызлахнамхыз.
А с ҭ а н д а. Егьиашаҵәҟьаны, дарбан ԥҳәызбаз ихнамх­­
рыз уи ибзиабара.
А с ҭ а м ы р. Бахьицымцаз бгәы иалоушәоуп бҳәашьа
шыҟоу.
А с ҭ а н д а. Сара алаԥшра сымамызт. Сара сгәы уара
уалнаххьан, зегь сымҳәар умуазар. Аха усҟан уара… Ухы
еилагап. Ишԥаԥсыхуаз уареи сареи ҳабзиеибабара, Асҭамыр,
Шьазина лхала дындәылҵны дымцазҭгьы? Уара уазхәыцу
абри? Диашахозма усҟан Мамсыр?
А с ҭ а м ы р. Исыздыруам…
А с ҭ а н д а. Иуҳәо закәызеи, Асҭамыр?!
А с ҭ а м ы р. Ииашаны исҳәоит, сара уи сазымхәыццызт.
Ӡеибафарак саанахәаны саман, иарбан хықәу сахьнанагоз
сыздыруамызт. Бара беиԥш, саргьы лаԥшра сымамызт. Саа­
нахәан, саманы ицон аӡӷьы, уаҳа акгьы. Сара сызҭашәаны
сыҟаз лбон Шьазина. Дыԥшит шықәсык, ҩышықәса. Ԥсыхәа
ахьынӡамаз илычҳаит. Уаҳа лара лышҟа хынҳәышьа

шсыма­м ыз агәра анылга, ҭыӡшәада, гәамҵрада ҭынч,
аанҿасра џьа­р а дцозшәа, бзиала лҳәан, дындәылҵны
дцеит. Аҭыӡшәақәа зегьы раҵкыс ауаҩы дызшьуаз шьаҿан
уи лцашьа. Сара саҵкыс агәаӷьра лымоуп. Дсыцхрааит.
Узгаз улымаз лҳәеит.
А с ҭ а н д а (иаалырҟьаны, хыхьчараҵас). Имцуп, уи мцуп!
Сара аӡәгьы дысмырҳәӡеит, аӡәгьы акгьы ицәысымгаӡеит.
Аӡәгьы днасыԥданы дықәысмырхеит сара. Ииашаӡами уи,
ииашаӡами, Асҭамыр?! Исхароузеи, ишԥаҟасҵарыз бзиа
дсымбозҭгьы. (Лгәы лнапы адкыланы.) Абраҟа даҭахымызҭгьы,
иҭацәызҭгьы иара изыҳәан…
А с ҭ а м ы р. Ибҳәандаз убас, ианаамҭаз иабҳәандаз!
Дыргәаҟуа даабгон. Имцума исҳәо?
А с ҭ а н д а. Сара ҩызаҵас сизыҟан, аиҩызара заҵәык.
А с ҭ а м ы р (иҽынкыланы, иаҳа ихазы). Ҳара ҳхы-ҳаԥсы
ыфо, ҳаламыс ҳаргәаҟуа, абра ҳтәоуп, усҟан иара «ррет-қьоу»
ҳәа, иԥсаса еидцала, аџьмахырҵәы ахәырпҳәа дахәо ашьха
цәҳәыра дықәуп.
А с ҭ а н д а. Уара иуҭахуп убас акәзарц, аха ухаҭагьы
иудыруеит ус шакәым, иуҳәо шиашам. Уи сҳәаргьы, ииашаны
иуҳәаз, аҳауа зҩыдаха, аӡыхь днахәоит. Уара уакәымзи
изҳәалоз, уаҟа аӡыхьқәа рацәоуп ҳәа. Ицқьаӡа, ихьшәашәа­
ӡа… Сара ахаан схамлац ашьха.
А с ҭ а м ы р. Ҳара араҟа ахлор фҩы рхышәшәо акрантқәа
ҳрыдтәалоуп, иара уигьы ианаауеи ианымаауеи еиҟароуп.
А с ҭ а н д а. Бзиабарала, срыҵашьыцуеит ҳәа нацҵо,
дрыхцәажәалон агеологцәа.
А с ҭ а м ы р. Абыржәоуп аиашаҵәҟьа анеилаҳкаа. Дцеит,
хымԥада агеологцәа рахь дцеит. Уажәы шьхатәылан агео­
логцәа рацәаҩны игылоуп. Чамашьха иҟоу агеологцәа рышҟа
дцазар, уаҟа ателевизор рымоуп, мышкы ҩынтә авертолиот
ԥырны ирызнеиуеит. Уаҳа ииҭахузеи?! Насгьы урҭ агеологцәа
аԥарагьы ӷәӷәаны идырҳауеит.
А с ҭ а н д а. Иагьиашаҵәҟьаны, зны-зылна игәы иаланы,
иажәа иналаиҵалон, суалафахәы маҷуп, исызхом, схатәы
џьабаала ирҳаны, еиӷьны сеилаҳәазар сҭахуп, машьынакгьы

снақәтәазар бзиа избоит ҳәа. Асҭамыр, ибзианы иҟаҳҵеит
иӡбахә ҳахьалацәажәаз, сгәы ҭынчуп уажәшьҭа уи изыҳәан.
А с ҭ а м ы р (лыжәҩахырқәа рыӷәӷәаны иааникылоит,
дааигәыҵаиҳәҳәоит). Сара сыԥсы зҭоу бара бзыҳәаноуп,
Асҭанда. Бзиа бызбоит, бара, сыбзамыҟә хәыҷы. Сара сзыҳәан
уи ажәа аҳәара ҭоубак аҭира иаҩызоуп. Уԥсы ахьынӡаҭоу
узхымԥо аҭоуба. Адунеиаҿ егьа ҟаларгьы… Иаҭахым аҳәара…
Сара ажәа мыцхә аҳәара сцәымӷуп.
А с ҭ а н д а. Издыруеит, Асҭамыр, сара издыруеит уара
уааигәара сыҟанаҵ акгьы шысмыхьуа. Мшқәак уанысым­
балак, убасҟак схы-сгәы ақәмаҷхоит, шышкамск саҟараны,
сымчыданы схы збо салагоит. Уааигәара… (Игәы лхы надыл­
ҵоит.) Угәеисыбжь… Адунеиаҿ уаҳа акгьы сҭахым, анцәа
дырманшәал Мамсыр. Уи иҿаԥхьа хара ҳадым ҳара. Гәнаҳа
ҟаҳамҵеит.
А с ҭ а м ы р. Акино ахь акәым, сара издыруеит ҳахьцаша
иахьа. Бааи, илықәыршәны аресторан ахь ҳцап. Ҳлатәаны
иаажәып. Адунеи иқәу ауаатәыҩса зегьы, бареи сареи ҳаиԥш,
насыԥ рыманы иҟазарц азыҳәан иныҳәаны иаажәып!
А с ҭ а н д а. Аӡәы инасыԥ даҽаӡәы гәырҩа инамҭарц
азыҳәан иаажәып. Насгьы, исхашҭыз, устатиагьы ныҳәаны
иаажәып. (Агазеҭ днахәаԥшуеит.) «Ажәытәтәи аԥсуа бааш­
қәа злеибарку акьыри уи аблышьеи». Сара араҟа уамак
сзеил­каауам, аха иаԥхьаз ирҳәоит ибзиоуп ҳәа.
А с ҭ а м ы р. Бара боуп иахьызҩыз зыбзоуроу. Ибгәалашәо­
ма, зны, ҳаԥсуа баашқәа сышрылацәажәоз, урҭ реибаркышьа
анбзеиҭасҳәа, иуҩырауазеи, сара сеиԥш, егьырҭгьы ирмаҳари
уи азыҳәан агәаанагара иумоу бҳәеит. Егьзҩыҵәҟьан, агазеҭ
ианырҵеит.
А с ҭ а н д а. Уара уқәҿиарақәа сара сзыҳәан игәазырҳа­
гоуп. Ушнеи-шнеиуа, сзылгаз атехникум сызхом уҳәап,
нас аинститут уҭалап, нас уалгап, нас уҵарауаҩхап, нас
аԥара рацәаны иурҳалап, нас сара аусура сааҟәыҵып,
ҳхәыҷқәа сааӡалап. Урҭ андухалак, амаҭацәа ҳауп. Нас
ҳмаҭацәа рна­пы ианкны сҿынасхап. Аригьы фантазиоума?
Ашьац иахьынҳалоу ӡаӡа цыроума? Издыруада, ауаҩы

зынӡаск дымхәыцӡозар, иԥсҭазаара иаҳагьы еиӷьхар
ҳәа сгәы иааҭашәалоит. Умбои, аԥсуаа ирхашҭхьоу, уара
иргәалауршәарц уаҿуп. Издыруада зқьы, зқьи хәышә шықәса
уажәаԥхьагьы аҩыра шрымаз ргәалауршәарц уҭахызар,
мамзаргьы иргәаладыршәарц уа­ҿы­зар, шәышықәсала
аҳәынҭқарра шрымаз? Изуҭахузеи, нан, апрораб, урҭқәа
зегьы? Изуҭахузеи ажәытәтәи архитектуреи абаашқәеи
злеибадыркуаз акьыри ҭуҵаауеит аха?
А с ҭ а м ы р. Ҳдоуҳатә баҟақәа, ацҳақәа, ауахәамақәа,
ҳмузыка, ажәакала, иара џьоукы-џьоукы иҳаҭәарымшьо
ҳҭоурых ду инаркны, иҭҵаам, иеилкаам шаҟа ҳамоузеи! Сды­
рра азхондаз, шаҟа сыҩрыз! Ҳарҭ аԥсуаа. ҳажәа рацәоуп, ҳус
маҷуп еснагь. Бҽеилаҳәа, ҳдәықәҵа. Саргьы сыхәда галстукк
нахасҵап. Сызбо, уаҩ дук иоуп рҳәап.
А с ҭ а н д а. Маҷк уаасзыԥшыроуп. Схы снацклаԥшып,
сҽаасырԥшӡап. Нас ҳцап. Сгәы раҳаҭны, сыцәап уаха. Аа,
иумбои, иахьа, амҽышаха, џьаргьы уахьымцаз шаҟа ибзианы
иҟауҵаз? Ҳаицәажәара гәыхь хәшәык иаҩызахеит. Уажәыҵә­
ҟьа, угәы умырҿыӷьлан, сара сҽаасырԥшӡап. Иласу ҭамӷьар
музыкак арҳәала. (Амагнитофон лыргьежьуеит.) Исҭахым
ари. Абырзенцәа рашәақәа гәыҭшьаагоуп. Зынӡаск даҽакуп
афранцызцәа. Адунеи ишақәламхо здыруа убарҭ реиԥш
милаҭк ыҟам. Угәы змырҿыӷьша… (Музыка ласк лыԥшаауеит,
иаҿалҵоит, иаҳәоит.) Убас сыҽсырԥшӡап аха, Гәында ԥшӡа
духашҭуа. Аԥҳәыс еснагь лхаҵа диеиҽырбозароуп рҳәеит,
ахаҵа дхылхуазароуп рҳәеит, ахаҵа аҩны даныҟоу агәҿыӷь
дамгозароуп рҳәеит, аԥҳәыс лхаҵа изыҳәан данызароуп,
дҩызазароуп, дагьицәыбзазароуп рҳәеит. Урҭқәа зегьы
еиҳарак исылазароуп сара, сара, даҽа ԥҳәыск лхаҵа дхыхны
дылцәызгаз. (Лҿыналхоит.)
А с ҭ а м ы р. Даҽа ԥҳәыск лхаҵа анасыԥ изҭаз.
А с ҭ а н д а (лҽаанылкылоит, даахынҳәуеит). Уара уоуп
изҳәаз, Шьазина лхала дындәылҵны дымцазҭгьы, сара лылҵра
сылшомызт ҳәа.
А с ҭ а м ы р. Бареи сареи ҳаиқәымшәаӡаргьы, Шьазинеи
сареи ҳаилыҵуазар акәхарын. Ҳамҩақәа хазы-хазы ицеи­

жьҭеи акырҵуан, аиԥырҵшьа ҳақәшәомызт, раԥхьа аӡәгьы
иаҳзымгәыӷьуа ҳааиуан ауп, уаҳа акгьы. Сгәы иалоуп, ԥҳәыс
даазгаанӡа, бареи сареи ҳахьеиқәымшәаз. Аха, аҭаҳмадцәа
рҳәашьа, убас сылахь ианызар акәхарын.
А с ҭ а н д а. Арҭ аҩышықәсак раахыс, знымзар-зны
машәырынгьы, Шьазина лзыҳәан ажәа бааԥсык уҳәо смаҳаит.
Зеиԥш ҟамло егьыҟам, ҳаргьы ҳаицәыӡыр, бааԥсы шысзумҳәо
здыруеит. Уигьы гәеиқәҳәалагоуп сара сзыҳәан.
А с ҭ а м ы р. Быбз бацҳа. Иагьзлабҳәаӡазеи?!
А с ҭ а н д а. Ауаҩы абзиа дақәгәыӷуазароуп, аха ацәгьагьы
дазхиазароуп. Аригьы саб ихшыҩрҵара ҟәыӷақәа иреиуоуп.
Иҟалап, сан лакәзаргьы ус сазҳәалоз, исгәалашәом. Ухы
еилагап. Исзеилымкаақәоз иреиуан даҽакгьы. Уԥ­ҳәыси
уареи аҭыӡшәа аншәоулак, шәанеицәҳалак, уара уҿы
иааҭыхны жәак соуҳәомызт. Изимҳәозеи ҳәа сшаз­хәыц­
уазгьы, иахьумҳәоз сгәы иахәон.
А с ҭ а м ы р (иаҳауа џьашьаны). Бара иабабдыруаз
аҭыӡшәа ҳалазу, мамзаргьы напеикәыршала ҳаицынхозу?!
Сара санқәыԥшыз инаркны исҳәахьан схазы, абзиабара
апоетцәеи афантазиорцәеи ирыӡбаз акоуп, аԥсҭазаараҿ
иҟоу еишьцылароуп, пату еиқәҵароуп, убарҭ аҩба рылоуп
аҭаацәарагьы злашьақәгылоу ҳәа. Агәра згахьан, Ерцахә
ақәцәан сара сышзымхалоз. Уеизгьы-уеизгьы уи ақәцәан зегьы
ҳхалароума? Џьоукы халар, егьырҭ уи ашәшьыра ҳҽааҵаҳкып
сҳәон сгәанала. Иҟоуп агәҭыха, иҟоуп ахәыцра ҳаракқәа, аха
иҟоуп убарҭ рышәшьырагьы.
А с ҭ а н д а. Нас ҳагәҭыха дуқәа ҳрышәшьыроума ҳарҭ?
Умҩашьозааит?! Маҷк игәкажьгамзааит иуҳәақәо?
А с ҭ а м ы р. Исыздыруам, аха сара исҳәоит сшыҟаз
аиашаҵәҟьа. Сыҟан абас ҭынч, схы анрааланы. Нас бара
иабабдыруаз, сҭаацәараҿы исыԥсҭазаашьаз? Ибазҳәодаз?
А с ҭ а н д а. Аӡәгьы. Издыруан. Цәалашәарала. Аԥҳәыс,
бзиа илбо ахаҵа изыҳәан зегьы лдыруазароуп. Шәарҭ,
аха­цәа шәоуп ҩба-ҩба бла зызҭоу, ҩба-ҩба лымҳа
змоу, ҳара, аҳә­са, реиҳа ианеиҵаха, ԥшьба-ԥшьба бла
ҳхазароуп, ԥшьба-ԥшьба лымҳа ҳамазароуп. Усоуп ишыҟоу

ажьа. Атәыҩақәа иара иамам, ац дуқәа азыҵагылам.
Аҽызлахьчозеи? Алымҳа ҵарқәеи, нас ашьамхы ласқәеи
рылоуп. Уаха Шьазинеи уареи ажәа еимашәкыр, сара
уаҵәы шьыбжьаанӡа издыруан. Сноуҿаԥшыр, ублақәа
ирхызбаалон. Аҭыӡшәа шшәымоу агәра анызгалак, сгәы
иаанагозгьы уасҳәап иуҭахызар?
А с ҭ а м ы р. Иҳәеи, иҳәеи…
А с ҭ а н д а. Дхаҵаз, дыԥҳәысыз, ихы шьҭых, иҽырԥагьа
адәы дықәуп, инасыԥ зықәгылоу ауасхыр ӷәӷәанаҵы, иҩны
ахәышҭаара ахьынӡаԥхоу, уи уашәшәырахо, ихьшәашәахо
ианалагалак, дарбанзаалак, илакыҵа аччаԥшь ацәмаҷхо
иалагоит. Угәы каҳаны, улахь еиқәны уанызбалак, иԥҳәыси
иареи еилыҵыр, сара сигар изеиӷьуп сҳәон сгәанала. Сара
сиашаӡамыз ус сгәы иахьаанагоз? Схала сгәы сырӷәӷәоит.
Сзықәгылаша уасхырк, схала иӡбаны, ашьҭаҵара сахьаҿу
умбаӡои. Уаҳа хыхьчага сымам, избанзар убри лҿаԥхьагьы
ахара шсыду здыруеит.
А с ҭ а м ы р. Шаҟаҩы ахацәа рыҳәса кажьны, даҽаӡәы
дыргахьоузеи! Урҭ зегьы рыламыс иаргәаҟуа иалагар, нас
урҭ ахацәа ирыццаз аҳәсагьы, ахара ду ҳадуп ҳәа ашәы
рхьыкәкәа инатәар, адунеи агәырӷьара даара иацәмаҷхар
ҟалап. Еиҳарак уажәы, аилыҵреи аилалареи модаханы
ианыҟоу аамҭазы. Уаҩы иџьеишьаша, иҟамлацыз ҳәа акгьы
ҟамлеит. Алаӷрақәа реиԥш, ҳара ҳлаԥшықәҵаны, бызла ҳазфо
абри ҳақалақь иаланхо рҟынгьы шаҟаҩы, рыҳәсақәа кажьны,
даҽаӡәы дааргахьоузеи. Насгьы Шьазина сара дкасмыжьӡеит,
лара лхала дцеит.
А с ҭ а н д а (дааԥышәырччашәа). Нас, ишсоуҳәара, зҿаԥхьа
ухы урқьиарц уаҿыда уажәы уара? Цқьа уазхәыцу, Асҭамыр,
уажә иуҳәаз иаанаго? Сара исҭахым, Асҭамыр исҭахым уи
аҩыза аиаша саҳар. Уи дкаужьыртә аҟара бзиа субомызт,
абриоуп иуҳәаз иаанаго.
А с ҭ а м ы р. Абзиабара аамышьҭахьгьы иҟоуп даҽакгьы.
Даҽаӡәы изыҳәан иҟауҵарц уара иуду, уалԥшьаны иухәҭоу.
Иузааигәоу ауаҩы иҿаԥхьа иуду ауалԥшьа. Ҳаҟәыҵып,
иахьакәӡам ҳаланагалеит.

А с ҭ а н д а. Сара иуасҳәап, сара сҭыԥан даҽаӡәы лакәзар
илымҳәаша. Шьазина сара саҵкыс иаҳа ақьиара злоу, иаҳа
игәыҭбаау ԥҳәысуп. Саргьы бзиарақәак сыламкәа сҟаларым,
аха, анцәа иумҳәан акәымзар, лара лҭыԥан сара сакәызҭгьы,
лара дшақәшәаз еиԥш сара сақәшәазҭгьы, иҟасҵашаз, схы
шымҩаԥызгақәашаз сыздырцәом. Уи аӡәы иҿаԥхьа ахаан лхы
лалмырҟәуазаап.
А с ҭ а м ы р (аԥенџьыр далԥшны, ашьхақәа рахь дыԥшуеит).
Баргьы, саргьы, уарҭ Шьазинагьы, абнахьхьи, ашьхақәа ирҿоу,
Мамсыргьы дналаҵаны, аӡәгьы иаҳхарам иҟалаз. Аӡәымзара
аӡәгьы иаҳхарам, аӡәгьы. Иҟоуп аԥсабараҿ мчык, ҳара ҳамч
зқәымхо.
Ааҭгылара.

А с ҭ а н д а (днаидгылоит). Узыԥшуазеи аԥенџьыр уалԥшны,
уабаԥшуеи? Хыла-хшыҩлагьы џьара усыцәцар сҭахым.
А с ҭ а м ы р. Ашьхақәа… Ашьхақәа рнаҩс, еиҭах ашьхақәа.
Ҵыхәаԥҵәарада ашьхақәа. Ак аҵкыс еиҳауп егьи.
А с ҭ а н д а. Ҳазҿаԥшуа ашьхақәа рнаҩс, нахьхьи, џьа­
ра дыҟоуп Мамсыр. Асҭамыр, ҳцап ҳақәҵны. Ҳалҵып абри
ақалақь.
А с ҭ а м ы р. Ҳцап бҳәоу, ҳабацо?
А с ҭ а н д а. Ҳуада ԥсахны, ҳақәҵны ҳцап. Абраҟа дсы­
цыҩноушәа збоит Шьазина. Исҭахым абри ҳуада, исҭахым
ҳақалақь. Ҳцап иахьыхароу даҽа қалақьк ахь.
А с ҭ а м ы р. Цәгьарак зуз реиԥш, ҳабналарцу? Мап! Ибаҳау,
мап, мап! Абри ақалақь – сара сықалақь ауп. Ааи, ааи, сара
стәоуп, сара! Абраҟа, сахьааӡаз, аҵара ахьысҵаз, аҩызцәа
бзиақәа ахьсырҳаз азыҳәан мацара акәым бзиа изызбо.
Сара сџьабаа, сыԥхӡаша адуп уи. Акымкәа, ҩбамкәа аҩнқәа
сыргылахьеит, уажәгьы рыргылара саҿуп. Иҟоуп аулицақәа,
акварталқәа, ишеибгоу ҳара ҳатрест иаргылаз. Уавсны уанцо
унапала иургылаз аҩны, еиҳарак уахынла, уааҭгыланы
уахәаԥшуеит, ушԥаҟоу ҳәа уазҵаауашәа. Аԥенџьырқәа
рҟнытә алашара каххаа иалԥхоит. Џьара ашәа рҳәоит, џьара
ате­левизор абжьы дәылҩуеит, даҽаџьарантә асаби иҵәуабжь

ааҩуеит. Дунеи дук аатуеит уҿаԥхьа. Уи аҭаацәараҿы, уи
аҳәынҭқарра хәыҷы аиҿкаараҿы уара уџьабаа шалоу
анугәалашәалак, гәеизҳарак угәаҵа инҭысуеит. Урҭ аҩнқәа
џьара санцо снаскьаргоит, саныхынҳәуа исԥылоит. Сахьцалак
исыцуп. Абарҭқәа ракәхап, Асҭанда, аԥсадгьыл захьӡугьы.
А с ҭ а н д а. Шаҟа ибзианы иуҳәазеи, аха анасыԥ, Асҭамыр,
иабаҟоу анасыԥ? Сабаҟоу сара? Сара абри ақалақь саланхо­
наҵ, абраҟа ҳаҟанаҵ, зегь рыла насыԥ сыманы, схы сақәгәыр­
ӷьо сзыҟалом. Уҩнқәа рԥенџьырқәа ирылԥхо алашара уара
унаскьаргоит, уаныхынҳәуа иуԥылоит, аха сара сахьцалак
схы-сгәы инҭыҵны иҟалом Мамсыри Шьазинеи рызхәыцра.
Убарҭ гәҭыхас исымамкәа ишом, ихәлом. Сахьынаҵыслак,
иааины сыбла иаахгылоит, насгьы знымзар зны, урҭ уареи
сареи ҳаицәзырӡуа, ҳаиҟәызҭхо ҭӡамцны иҳабжьагылар
ҳәа сшәоит. Убри аҭӡамц аҵкыс ҳара ҳзымиааир алшоит.
Саҭоумҵан, иахьугәаласыршәо, аха убарҭқәа срыцәцаанӡа
гәҭынчра сымам. Сара сынасыԥ нагӡаны избарц, сыҟанаҵ
салагәырӷьаларц сҭахуп!
А с ҭ а м ы р. Анасыԥ… Шьха ҳаракырак уҩхаланы
унықәгылар иаҩызоуп. Шьхак данхалалак ауаҩы, сара саҵкыс
иҳараку, сара сахьҩеиз иҩеихьоу аӡәгьы дыҟам, шьхас иҟоу
зегьы сара сзықәгылоу ашьха реиҳауп ҳәа агәра ганы дгәыр­
ӷьоит. Иҽырԥагьаны дықәгылоуп. Насыԥ дуӡӡа имоуп. Насыԥ
имоуп, инаихыкны, инаҩсҟа дыԥшаанӡа. Уахь данԥшлак, иара
дзықәгылоу ашьха аҵкыс иҵегьы иҳараку, хараӡа еиҳау
ашьха шыҟоу ибоит. Уахь иҿынеихоит. Дықәгылоит амҩа.
Имч ақәымхо, дызхамло далагар, днасыԥданы, адунеи иқәу
зегьы раҵкыс иара длахьыцәгьаны ихы иԥхьаӡо, агәжәажәа­
ра далагоит. Убринахыс ихәыцрақәа, игәҭыхақәа зегьы убри
ашьха ҳаракы, ашьха ҿыц ахалара иазкхоит. Ицеит анасыԥ,
ихаҭа дахьзынамӡоз шьха ҳаракык ахь, иара ихаҭа даанхеит
убри ашьха ашьапаҿы. Абас еишьҭоуп ауаҩы игәҭыхеи иареи.
Ҵыхәаԥҵәарада, ҵыхәаԥҵәарада…
А с ҭ а н д а (лҽырҭынчны). Уиашазар акәхап. Уазымхәыцыр
еиӷьуп. Ажәакала, иҳагымхааит ҳагәҭыха ҳаракқәа рышә­
шьыра! Ухы еилагап. Уара излоуҳәо ала, ауаҩы игәҭыха,

ихәыцра шьха ҳаракык иаҩызазар, иара ихаҭа адәы дықәуп
убри ашьха ҳаракы иацрыҵуа ашәшьыра иҽыҵакны? Уамак
уаҩы игәы ҟазҵаша философиам, аиаша уасҳәап. Ишсоуҳәара,
ауаҩы акосмос ахь дахьцаз, амзаҿы днеины дахьықәтәаз?
А с ҭ а м ы р. Уаҟа даангылоит бгәахәуазар? Саныхәыҷыз,
исгәалашәоит, Абрыскьыл ихҳәаау алегенда сабду иансеиҳәа,
азхәыцра салагеит, ииашаҵәҟьаны, иара дахьыҟоунӡа уаҩ­
ԥсы дзымнеиӡоишь ҳәа. Уахгьы-ҽынгьы убри сазхәыцуан.
Сара сандухалак, аҳаԥы схәыҵаланы сдәықәлоит, Абрыскьыл
иҟынӡа снаӡоит ҳәа иасҳәеит сабду.
А с ҭ а н д а. Уи алегенда ахәыҷқәа ианраҳалак, зегьы убас
ихәыцуеит.
А с ҭ а м ы р. Сабду дыччо, схы ааишьышьын, Абрыскьыл
иҟны ахаан уаҩы дызнеиуам, дад, Абрыскьыл – ауаҩытәыҩ­
са диӡбеит, дихәыцит. Ауаҩытәыҩса ихы-ихшыҩ ауп уи аныс,
абыс имоу. Ауаҩы ихшыҩ адунеихаангьы дзахьӡом. Шаҟа
дазааигәахо, иара иаҳагьы инаскьоит иҳәеит. Умбои, ишԥа­
рызҿиҭи Абрыскьыл, иара ишҟа инеирц амҩа иқәыз ауаа?
Шәара сара сышҟа шәааскьацыԥхьаӡа, сара наҟ снаскьоит
иҳәеит. Акыр сҩеидасаанӡа, еилкааны исымамызт усҟан саб­­ду ииҳәаз иаҵанакуаз.
А с ҭ а н д а. Сара акымкәа-ҩбамкәа аҩымҭақәа срыԥхьа­
хьеит, Абрыскьыл иҟны инеиуа, дызлаҿаҳәоу азынџьыр ԥҵәа­
ны, ихы дақәиҭыртәуа, длеиҩеиуа адәы дықәны.
А с ҭ а м ы р. Уи иаанаго, ҳахьнеиз, иаҳҳәап, амзаҿы
ҳаангылап ҳәоуп. Аха иабаҟоу, адгьыл кәымпыл агьежьра
иаҟәыҵаанӡа… (ихы икуеит.) …абри акәымпылгьы ахәыцра
иаҟәыҵӡом. Ауаатәыҩса иахьымҩеиц аҳаракырақәа рҿы
иҩеишт, ирцәыӡыз, мамзаргьы излаҟаӡамыз иҵегьы абзиа­
рақәа ирылаҟахашт, усҟан ҳара ҳабаҟало акәымзар… Ҳазгәа­
лашәода акәымзар… Ҵыхәаԥҵәарада, аанҿасрада…
А с ҭ а н д а. Уара сааигәара уҟанаҵ, сара уара усыманаҵ,
акгьы сацәшәом. Сара исоушаз соуит ари аԥсҭазаараҿ,
еиӷьу, еиҳау, уаҳа акгьы сҭахым, акызаҵәык исҭаху, исымоу
сцәым­ӡааит. Исиҭаз сцәимгааит! Уара усыманаҵ! (Лнапқәа
наикәлыршоит.) Уара, Асҭамыр…

Адәахьынтә, ашә дамыскәа, дыҩны дааиуеит М а к т и н а, Мамсыр
иаҳәшьа. Илхыхны илкуп акасы еиқәаҵәа.

А с ҭ а м ы р. Мактина, бзиала баабеит! Иааз дыббома,
Асҭанда?!
А с ҭ а н д а. Мактина боума? (Иааџьалшьоит, иҟалҵара
лыздыруам, нас лхы лнапаҿы иааганы, лҽырҭынч.) Мактина,
шаҟа сеигәырӷьазеи бахьааз! Бхала…
А с ҭ а м ы р. Иҭабуп, Мактина. Бахьааз ҳара ҳашҟа.
Уажәы, ишыбдыруа, ҳара ҳашҟа амҩахыҵра рцәымӷуп
аӡәырҩы, цәгьарас ирзаауз сыздыруам. Бтәа, сас дахьк иа­
ҟара сбеигәырӷьеит. Ҳара, Мактина, бара ибдыруеит, уаҳа ҳа­
лымшеит. Даҽа мҩак ыҟамызт. Мамсыр уаҩы ҟәыӷак иоуп, уи
ҳаиликаап, уажәы игәы шны дахьынӡаҟоу, ҳаизеилымкааргьы,
ихашҭқәар… Сара иасҳәоит снеиҿагыланы, ишыҟалаз зегьы
иасҳәоит, уаҳа ԥсыхәа шыҟамыз…
А с ҭ а н д а. Саргьы иасҳәоит. Ҳаиликаароуп…
М а к т и н а. Шәынасыԥ шәалагәырӷьо шәтәоуп акәу?! Шәа­ра
аԥхамшьақәа! Излашәгәаӷьӡазеи сацәажәара! Дабаҟоу сашьа,
дабаҟоу ҳаиликаауеит ҳәа шәызҿу? Дабаҟоу сашьазаҵә?!
(Лылабжышқәа рҿаархоит.)
А с ҭ а м ы р. Уи ашьхаҟа дцеит. Лассы дхынҳәуеит, аԥхын­
ра ниасаанӡа дынхаргьы, лассы дхынҳәуеит, дшаахынҳәлак
Асҭандеи сареи…
М а к т и н а. Нырцәынтәи макьана аӡәгьы дыхнымҳәӡац,
нырцәынтәи. Дыҟам уаҳа, сашьазаҵә дыҟам! Шәара, шәара…
(Лыԥсы еихәлахоит, илызҳәом.)
А с ҭ а н д а. Ибҳәо закәызеи, Мактина… Акасы еиқәаҵәа
ибку… Башьа изыҳәан… О, Мактина, сҩыза, сҩыза бзиа, сшьы,
бара бнапала сшьы!..
М а к т и н а. Бмааин сымԥан! Бара аԥсахҩы! Бара боуп абри
акасы еиқәаҵәа схазҵаз! Бара боуп сашьа дҭазырхаз! Быбла
ԥхамшьақәа аартны бызласыхәаԥшуазеи, бара ламысда!
А с ҭ а н д а. Баанҿас, Мактина, бмыццакын! Цқьа, иҟалаз…
Бажәақәа ахымҩас иаҩызоуп, изакәызеи ибҳәо?! Иҟалазеи,
ихьзеи Мамсыр?
М а к т и н а (лҵәыуара нкылауа, харадҵарала). Баргьы,
абнигьы, шәара шәҩыџьагьы дҭашәырхеит сашьа! Ашәы

ҳхьы­кәкәа адәы ҳақәышәҵеит иан, иаб, сара, ҳазегьы!
Сыбла уҽоумырбан, Асҭамыр! Аиҩызара ныҟәугеит ибзианы!
(Асҭанда лахь.) Машәырынгьы џьара бысҿамҳан, акәымзар
абарҭ снапқәа рыла быблақәа ҭысхуеит. Ҳабла шәҽашәмырбан
шәҩыџьагьы!
А с ҭ а м ы р (иаҳауа ажәақәа чҳауа, иҽынкылауа). Баанҿас,
маҷк бхы бнапаҿы иааг, Мактина, уаҩҵас иҳаҳә, иҟалазеи?
М а к т и н а. Ашьха дахьыҟаз дҭахеит сашьа. (Дҵәуоит.)
Машәырла дҭахеит рҳәеит. Аха сара издыруеит, уи машәыр­
ла акәым дышҭахаз. Шәара дҭашәырхеит Мамсыр! Сашьа
дызшьыз шәоуп шәара! Исылшозҭгьы… Аха дҟалап уи ишьа
зуша, са­шьа ишьа кәапеила изташа! Ҳара иаҳшәышәҵаз
ашәы, шәаргьы шәҭахцәа иршәылап шәара шәзыҳәан. Шәа­
банӡацари!
А с ҭ а н д а (уаҳа лылымшо). Абар, ариабжьарак сыргәа­
ҭеиуа, иаха смырцәо сызмаз. Сцәа иалашәаны сыҟан рыцҳа­
рак ҳшақәшәоз. Мап! Мап! Уи аҩыза ҟалашьа амам, иамам,
иамам! Ишԥа?! Мамсыр дышԥаҭахоз?! Усеиԥш шԥасзууаз,
Мамсыр?! Абас сахьырхәра!..
А с ҭ а м ы р (иҟаиҵара дақәымшәо). Уи аҩыза ҟалашьа амам.
Мап. Џьара аӡәы ихҩашьалеит. Мамсыр иакәхарым иҭахаз…
А с ҭ а н д а. Иныҟасҵазеи! Иныҟасҵазеи! Сызшаз
ԥсышьацәгьа сиҭароуп, иныҟасҵазеи! Сара сҭахар иаҳа
еиӷьын, сара... Иара иԥсы ацынхәрас сцар акәын сара!..
М а к т и н а. Шәысцәымӷуп, абгыӡ еиԥш шәысцәымӷуп!
Сыла шәҽашәмырбан! Схаҭагьы схы сцәымӷуп, схы! Сыблақәа
ҭыхызма, сзырлашәызеи, слашәны адәы иқәхаша сара,
ишԥасымбеи, ишԥасзымдыри сашьа ихаҵкыс, иԥсаҵкыс бара
беиӷьишьо бзиа бшибоз. Сара исылшон уи деиқәсырхар.
Маҷӡак акәын цхыраарас ииҭахыз. Сихьынҳаланы ашьхаҟа
дысмышьҭыр… Сара силабжьон бара ибанаижьырц, иҟалаз
зегьы ихаиршҭырц, баҭанаимҵарц. Сара снапала деибыҭаны
амҩа дықәысҵеит ашьхаҟа. Ухы-угәы наухашҭып ҳәа
силабжьахуан. Абас схала схы иазызуз. Аҩны дыҟазҭгьы,
издыруадаз иаҳа изеиӷьызҭгьы…

А с ҭ а м ы р. Мактина, бҽырҭынч, џьара еилибамкаарак
ҟалеит. Мамсыр сара схаҟара сиқәгәыӷуан. Уи еилымкаашьа
имамызт. Ҳаиликаар акәын. Саҭабымҵан, исҳәо сара схаҭа­гьы
исыздыруам. Схы еилагоит. Баанҿас, Мактина, бызгылазеи,
макьана бымцан, иҳәатәу рацәоуп. Сбыҳәоит, бымцан
макьана!
М а к т и н а. Унапқәа схьумыркьысын, ухәымгасшьоит.
Шәықәҵны шәца! Шәсымбан ҳақалақьаҿ. Сыԥсы ахьынӡаҭоу
ишәанасыжьуам. Адунеихаан. Сыбла шәҽашәмырбан! Шәиԥ­
хьыӡ анцәа ишәықәиҵааит! Сашьа инаур насыԥ шәнаҭарым.
Иҭынхацәа аӡәы ҳшәықәӡаанӡа, шәықәҵ наҟ! Џьаҳаным
шәҭыԥхароуп, џьаҳаным! Агәнаҳа иҟашәҵаз – анцәа ишә­
хьигӡап! (Даақәгьежьааны, ирласны дындәылҵны дцоит.)
А с ҭ а н д а. Мактина, баанҿас, Мактина… Ажәа заҵәык…
Баанҿас, баҳәатәык сымоуп…
А с ҭ а м ы р (ихы изнымкылакәа). Амц! Аиаша амҳәароуп
ишынеибакәу зегьы зыхҟьаз. Мыцла ишьақәгылоу мцу­
рахоит. Бара Мамсыр дыбжьон, сара дызжьон Шьазина,
ҳазегьы аибажьара ҳахьаҿыз, аа, уажәы иахылҵыз. Анасыԥ
захылҿиаауам амцҳәара. Амц иахылҵуазеи? Аԥсра, аҭахара,
уаҳа акгьы. Илаҳҵаз ауп, баргьы саргьы иааҳрыхыз!
А с ҭ а н д а. Ҳҩыџьегьы, уаргьы саргьы ҳҩыџьагьы. (Инапы
дамҵасны иаанылкылоит.) Ҳҩыџьагьы…
А с ҭ а м ы р. Ҿыбымҭын! (Длыцәхасны днаиҟәиҭхоит.)
Саҭабымҵан!.. Исыхьыз саргьы исыздыруам. Уи ҳаиликаар
акәын ҳара. Усеиԥш ҳзимур акәын. Дышԥаҭахоз, ҭахашьас
иҟаиҵазеи? Ҳара ҳхарала дҭахаҵәҟьама?
А с ҭ а н д а. Ҳцап, Асҭамыр, ҳақәҵны ҳцап.
А с ҭ а м ы р. Ҳабналаны… Мап! Уажәраанӡа ҳцар акы
иамусын, уажәшьҭа ҳақәҵны ҳанца, иҟалаз ииашаҵәҟьаны
ҳара иаҳхараны иҳаԥхьаӡеит ҳәоуп иаанаго. Ҳара дҭа­
ҳархазшәа…
А с ҭ а н д а. Изҭаху ииҭаху игәы иаанагалааит. Ҳцап ҳақәҵ­
ны. Схы еилагоит.
А с ҭ а м ы р. Ҳҩыџьегьы акгьы ҳхараны избом сара. Мап!
Иаҳхарам. (Ихазы иӡбеит.) Сара сцоит ашьхаҟа. Дахьҭахаз

сыԥшаароуп, дышҭахаз, насгьы иҭахашьахаз еилыскаароуп.
Иҟалазеишь убраҟа? Сыблала избароуп, еилыскаароуп. (Ашә
ахь иҿынеихоит.)
А с ҭ а н д а (дихьынҳаланы длышьҭуам). Умацара ус­
зышьҭуам. Саргьы сга уахьцо, Асҭамыр! Схала саанумыжьын
араҟа! Сшәоит, схала сшәоит!..
А с ҭ а м ы р. Еилыскаароуп, иҟалаз аиашаҵәҟьа еилыс­
каароуп!.. (Дцоит.)
А с ҭ а н д а (лхала). Сара сшәоит, Асҭамыр… Схала сзаангы­
лом араҟа, агәыҭҟьа сагоит, снумыжьын схала!..
Аԥарда

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 24
  • Büleklär
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3422
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2327
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3424
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2318
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3457
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2376
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3416
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2475
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3405
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2371
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3473
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2315
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3441
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2424
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3410
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2312
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3368
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2375
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3363
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2265
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3437
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2316
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3332
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2278
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3379
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2340
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3316
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2294
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3375
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2336
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3413
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2363
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3378
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2131
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3368
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2346
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 19
    Süzlärneñ gomumi sanı 3361
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2294
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 20
    Süzlärneñ gomumi sanı 3385
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2378
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 21
    Süzlärneñ gomumi sanı 3046
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2153
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 22
    Süzlärneñ gomumi sanı 3962
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2010
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 23
    Süzlärneñ gomumi sanı 4058
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1963
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 24
    Süzlärneñ gomumi sanı 4032
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2070
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 25
    Süzlärneñ gomumi sanı 4407
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2082
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 26
    Süzlärneñ gomumi sanı 4378
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2223
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 27
    Süzlärneñ gomumi sanı 4049
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2320
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 28
    Süzlärneñ gomumi sanı 3350
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2336
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 29
    Süzlärneñ gomumi sanı 3323
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2312
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 30
    Süzlärneñ gomumi sanı 3372
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2315
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 31
    Süzlärneñ gomumi sanı 3345
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2263
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 32
    Süzlärneñ gomumi sanı 2958
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1986