Latin

Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 18

Süzlärneñ gomumi sanı 3368
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2346
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
иаҳа иааиқәтәеит. Гәжәажәарак ахы ныҵнахит игәаҿы.
– Сыԥсы ахьынӡасшьо аҵәыцак ааныскылом сҳәахьан,
аха… Еҳ, ҳқәыԥшра шықәсқәа!.. – иҳәан, аҵәцақәа астол
хәыҷы инықәиргылеит Андреи.
– Шәажәхьоушәа… Ҳқәыԥшра шәҳәахт… – «шәара» ҳәа
Андреи иацәажәара дналагеит Расым.
– Ҩынҩажәа шықәса уанырзааигәахалак инаркны уқәыԥ­
шра азхьра уалагоит. Ҳажәым, аха ҳқәыԥшрагьы уажәшьҭа
иабаҟоу! Шәаанҿаси, иадаҳкылогьы, аа, абри ашоколад
ҳахҩык иҳазхароуп, – шоколадк ааганы, иаа­ԥы­ҽҽны астол
инықәиҵеит Андреи. Акониак аахиртлан, да­су раҵәцақәа
инарҭеиҭәеит.
– Егьа ақәра ду наҳҵыргьы, еснагь иҳацзааит, иныҳәа­
зааит ҳқәыԥшра шықәсқәа! – иҳәан, иаҵәца нҭиркәкәеит
Андреи.
– Шаҟа ибзианы ишәҳәазеи! – иҳәан, иаҵәца ижәит
Расымгьы.
– Амин анцәа ишәыциҳәааит! – иаҵәца днахыхәаны
инықәиргылеит Иона, – хәшәык зжәуеит, арыжәтә зжәыр
ҟалом…

– Изакәызеи иуҳәо, иабатәи хәшәу! Андреи Дмитрииԥа иижәыз уара ишԥаумжәуеи, уаҵәца аанкыл! – иуамызт
Расым.
– Андреи ижәызар атәыла мбгеит, уара уҟами, ицыжә, –
иаахжәашәа мап ацәикит Иона.
– Убри азыҳәаноуп ақәыԥшра зысныҳәаз, Иона. Егьа
аажәыргьы, ҳгәабзиара ианаԥырхагамыз, иаажәуа ҳама­
мызт, уажәы, иаажәуа анҳау, ҳгәабзиара иауам, – иҳәеит
Андреи, нас алаф аҵаҵаны, ус нациҵеит: – Аԥҳәыс лшьаҵа
иҭаҭәаны иусҭар иаҳа иужәуазар?! Еҳ, Дыргәын, Дыргәын,
Аԥс­ныҟа… усура сахьиаргаз зыбзоуроу иара иоуп. Шәааи,
Дыргәын дныҳәаны иаажәып. Аиашаҵәҟьа ҳзиуит, иԥҳәызба
лшьаҵа аҩы ҭаҭәаны иахьаҳиржәыз. Афранцызцәа рҳәа­шьа,
аџьентльмен иашаҵәҟьа иҟаиҵашаз ҟаиҵеит. Данқәыԥшыз
ус дыҟан, иахьагьы убас дыҟоуп. Анцәа иҳагимырхааит
Дыргәын иеиԥш зеиԥшроу аҩызцәа! – ииҳәаз аныҳәаҿа
гәыкала ишижәуаз убартә, цәыкәбарк ҭамыжькәа иаҵәца
нҭиркәкәеит Андреи.
– Ибзиаӡаны ишәҳәеит, Андреи Дмитри-иԥа! Аҩыза бзиа
аешьа диаҩсуеит.
– Аҩызцәа зегьы рзыҳәан исымҳәеит. Дыргәын иныҳәаҿоуп
ари.
– Анцәа диныҳәааит Дыргәын… Дыргәын Цымцба, – иҳәеит
Расым.
– Ацыркь Дыргәын, – инаԥишьит Иона.
– Абзҳәацәа егьа рҳәоит, дцыркьы уаҟәыҵишь, ҳсовнхара
иара иоуп ашьапы иқәзыргылаз, – иҳәеит аԥсахеибак Расым.
– Ҽааны аҭыԥантәи асоветқәа рахь алхрақәа ҟалоит.
Ҳгәы иҭоуп Дыргәын депутатс… – иажәа наимыгӡеит Андреи.
Блаҵыхәала Расым днаихәаԥшит. Иблақәа ааргызмалны
дынцәыҵаччеит.
– Убас ами аҩызцәа шеицхыраауа. Иона ҳанеибаирдыр­
уаз, аинститут дсыцҭан, дысҩызоуп, Андреи ихьӡуп аниҳәа,
Дыргәынгьы дышшәыцҭаз, Иона иеиԥш, шәаргьы дшыжә­
дыруаз… – иажәақәа ԥыҵәҵәо даҿын Расым. – Аиеи, шәшеи­
ҩызцәаз… Схы уаҳа азымӡбеит шәымбои. Шәеигымхааит
аиҩызцәа. Убас ами аҩызцәа бзиақәа ишыҟарҵо. Шәара

Аԥсныҟа шәыхынҳәра иара дацхрааит. Уажәы шәара иара
шәицхраа.
– Угәы ишԥаанаго, ажәлар рыбжьы ирҭару, депутатс
икандидатура ықәургылар? – днаиазҵааит Андреи.
– Дарбан, Дыргәыну?! Дыргәын Цымцба изыҳәан дызус­ҭа­
да зыбжьы зымҭиуа?! – иҳәеит Расым.
– Депутатс дҟалар, нас, наҟ-наҟ Аҟәаҟа, иахьеиҳау…
– Аҟәа акәым, Қарҭ дугаргьы, Москваҟа диоугаргьы, иар­
бан ҭыԥу изымбо! Ани, аԥхьан исҳәақәаз… Уи шәа шәгәы иа­
лымсын, Андреи Дмитри-иԥа. Шәааи, ҳаибадырра азыҳәан
акака аанаҳкылап, – аԥшәма иара иакәызшәа, аҵәцақәа
инарҭеиҭәан, руак Андреи инаииркит Расым. – Ҳаибадырра
нагӡара анцәа иеиҭааит! Шәара шәеиԥш иҟоу абзиақәа, акы
ҳагхаргьы, ҳаҭанарҵом. Аԥхьан Дыргәын изыҳәан исҳәақәаз,
сизыгәдуноуп изысҳәаз, ауаҩы дзықәгәыӷуа иоуп дыззаӷьуа.
Иҵегьы деиӷьхар, иҵегьы ԥхьаҟа дцар сҭахуп азыҳәаноуп…
Адепутатрахь шәҳәахт!.. Шәанстудентцәаз, аҵара шәанеицҭаз
дшыҟаз аҵкыс деиӷьымзар деицәам, уаҩы игәы анырхара
акәым, ашьац ирҟьацуам ззырҳәо аҩыза бзиа дшәымоуп,
Андреи Дмитри-иԥа, аҩыза бзиа! Шәара шәеиԥш иҟоу
ауаҩы аҩыза бааԥс диоуазма… Шаҟа дсыцхраауа… Ҽаџьара
сиаргараны санааҟало, сҭыԥ аҿы ҳәа шаҟантә исеиҳәахьоу…
Аусушьа, иҟаҵатәу, зегьы аҩныҵҟала сагәыларԥшны…
Дшаажәбац… Шәымбои, аҵара данҭаз, усҟангьы… Иаа, шаҟа
ибзианы иҟаиҵазеи! Аԥҳәызба лшьаҵа ашамԥан ҩы ҭа­
ҭәаны… Егьи, адепутатрахь ҳәа шәызҿу, сара ҳсовнхара
агроном хадак иаҳасабала, абыржәгьы снапы анысҵоит
иреиӷьу аҟазшьарбага, – даҿын Расым. Ацәгьа аниҳәоз еиԥш,
уажәы, абзиа аниҳәозгьы, уи цқьа дизымӡырҩӡо, аԥсшьарҭа
ҩны ааигәараӡа еилаԥыруаз аҷнышқәа дрыхәаԥшуан Иона.
Ахҩык ахацәа ахьтәаз, аҵаҟатәи абарҵа аҟнытә, џьоукы
ача хәыцхақәа дыршәуан. Хәыцхак акашәаха арҭомызт аҷ­
нышқәа. Руак иазымккәа ац навҟьар, уи инаҵԥрааны, ҽакы
инамҵасуан. Ахәыцха ззымҵарсуаз, аа, ижәбома, шәара
шәаҵкыс сара сеиӷьеишьеит ауаҩы, сара исиҭеит аҳәозшәа,
ахәаша афара иахымыццакӡо, ацқәа ирыбжьакны, акраамҭа
аҩызцәа ирылаԥыруан.

Расыми Андреи ркониак ԥаҭлыка ккаӡа иааҭацәит. Усҟак
ажәра иҽалаигаларц иҭахгәышьамызт Андреи, аха иара
даԥшәыман, акониакгьы ықәзыргылаз иара иакәын, дыԥ­
хашьан, мап изымкит. Дыргәын имацара иакәымкәа, уи иԥҳәыс
ԥшӡа, ихәыҷы хазынақәа, иԥҳәыс қьиа, иан, аҟәыӷа ду, иаб
уҳәа зегьы иныҳәеит Расым. Адунеиҿ бзиарақәас иҟаз зегьы
рзеиӷьеишьеит.
Ауха дахьнышьҭалазгьы, аԥсахеибак Расым иԥхыӡ иалаз
Дыргәыни Андреи ракәын. Идиреқтор изыҳәан акыр шықәса
раахыс игәаҿы еизахьаз агәаӷ, агәала, агәыԥжәара, зегьы
аниҳәаз, еидара хьанҭак даҵыҵызшәа баны иԥсы иишьаз,
уажәы убри аидара, еиҭа ихынҳәын, иҭса хьанҭаха, дыцәар
дамырцәо, дааԥшыр дамырҭынчуа, игәаҵа инҭаҳаит. Лассылассы ихаҿы иааигон абри еиԥш асахьа. Кабинет дук
аҟны еидтәалоуп Ацыркь Дыргәыни Андреи Дмитри-иԥеи.
Ишеицәажәо, ашьшьыҳәа инаисуеит иара Расым иӡбахә ахь.
«Дзеиԥшра уаҩузеи уара уҿы агрономс аус зуа?» – ҿааиҭуеит
Андреи. «Расыму? Ибаргәузеи! Сара диреқторс саныҟарҵоз,
бригадирс аус иуан. Уажәы агроном хадас дҟарҵеит». «Уара
убас уихцәажәоит, иара иузиҳәақәоз, уаҳандаз» – ҳәа
дналагеит Андреи. Иаасҳәаз зегьы наиеиҳәоит».
Даҽа хымшҟа аԥсшьарҭа ҩнаҿы дыҟан Расым. Арҭ
ахымшкгьы, машәырла диҿаҳазшәа, Андреи Дмитри-иԥа
дахьиԥылаша, аԥсшәа ахьиеиҳәаша дашьҭан. Иона иеи­
ҳәақәеит, Андреи ибарҵа аҟнытә амшын иаҳа иаҳбарҭоуп,
амрагьы иаҳа иаҿырхасҭоуп, ишҟа ҳнеип ҳәа. Ицоны иҟало­
зар игарц кониакгьы ирмазеит, ииҳәақәашазгьы дрызхәыцит,
аха Иона инаҿаршәны мап икит, имуит, днеимгеит, ихала
Андреи иуадахьҵәҟьа анеира изымгәаӷьит. Амала, ииулакгьы
знык аҟара уеизгьы ицижәит аҵәыцақәак. Иџьыба акониак
нҭаргыланы, Андреи шьыбжьхьа ахьифоз днаидтәалан,
иҩызцәагьы иаргьы иныҳәақәеит, идиреқтор Дыргәын Цым­
ц­ба изыҳәан ииҳәақәаз дизгәдуны ишиҳәоз, мыцхәгьы
бзиа дшибо ҳәа иахьынӡаилшоз ихьаиршшеит ииҳәахьаз,
аха иҳәацыԥхьаӡа иаҳагьы еицәеитәуан, Андреи иаҳагьы
дшицәыхьшәашәоз ибон.

Адырхаҽны, усгьы ԥсшьара соуам иҳәан, имаҭәақәа ааиз­
ганы: «Аҳауа снымаалеит, насгьы аҩныҟа усқәак сымоуп»,
– ҳәа нараҳәаны, иԥсшьара мшқәа рыбжакгьы еиҩимшакәа
дықәҵит Расым. Амала, аԥсшьарҭа ҩны ашҭа данҭыҵуаз
дааҭгылан, Андреи Дмитри-иԥа дахьыҩназ ауада ашҟа даа­
наԥшын, аӡәгьы ишимаҳауазгьы, иԥсахы еибакны, ибжьы
ҿацаӡа иҩҭыганы:
– Зегь акоуп, исҳәазааит. Сгәы аԥсы асыршьеит. Шәы­
зегьы шәеиԥшуп! – иҳәеит даамақарны. Ԥсеивгараны даа­
қәыԥсычҳаит.
1976

Сырхашҭит, срыкәыхшоуп
Акаҵкәыр убас ихьанҭан, дегьызеиӷьым ахаҵа ишь­ҭихыр,
ибӷа аҿҿа ҩалгарын. Марҭа лгәы иаанагомызт, асҵә­ҟьа
ихьанҭахап ҳәа. Илыхьыз уиоуп, алԥхынрак ачаи ала­ҿылх­
уан уи акаҵкәыр, амаҟа ҟьаҟьа амаа инаҵданы, лӡара иад­
ҿаҳәалан, азна ачаи анҿылхлак, лӡара ишахьынҳалоу, ачаи
капанырҭа пункт аҟынӡа иналгон. Ашьшьыҳәа, дмыццакӡо
иналыҟәнылхуан.
– Ашәарах ржьы рӡара иахьынҳало, аҩныҟа игәарлон
ажәытәан ахацәа. Аа, шәымбои, уажәы аҳәса рӡара ҭанарпа­
лоит акаҵкәыр. Малуп, барақьаҭроуп. Ҳныҟәшәымгои, ҳхацәа,
сшәыкәыхшоуп, – лҳәон, лафшәа Марҭа. Ус ҟазшьас илыман
лара. Гәалак лымазаргьы, ирлафны акәын ишылҳәоз.
Акаҵкәыр дажьагәышьеит. Акы, уажәы иҭалҵақәаз ры­
хьанҭареи ачаи бӷьы ахьанҭареи, ҭсеи бамбеи хьанҭарала
еиԥшу аҳа еиԥшымызт, ҩбагьы, ачаи бӷьы цыра-цырала
иҟәшәаны лкаҵкәыр ианҭалԥсалак абӷьқәа ҟәҷыр ҳәа
дшәозшәа, уамак еиҵалкәаҳауамызт. Шаҟантә илеиҳәазеи
лхаҵа, лара лҳәашьа, лыҭаҳмада, ҭакәажәык абасҟак аидара
баҵамлан ҳәа, аха лара: «Ҳаҷкәын Кәанти, ԥаса даадыххыла­
ны данцоз, иахьазы, асасцәа сзаауеит иҳәеит, дабахьӡои рыц­
ҳа, ҳҭаца Ҭеда, лхәыҷы, лара деихҟьашо», – лҳәан, илымуит.

Ашәха рҩақәа, ауатка, аџьынџьыхәа, акакан гәылхны, банка
дук азна аџьыка хны, агәагәышь рбаӷь пашәӡа ихәылхны,
ижәны, лыҷкәын аҩны данааилак, фатәыс иаалымоу акы
дамеигӡакәа ишимҵалыргыло еиԥш, аӡынразы ҵәахы-мҵәа­
хы ҳәа акыр лымазар, дамеигӡакәа, лкаҵкәыр аҭаҵара даҿын.
Хыччашақә,насҭха дгыланы дԥышәырччон лыҭаҳмада. Уажә
илымбеит уи иԥышәырччара, иаҵанакуаз лдыруан. Ииуа­
зеи иажәымҭыҽха, иҷкәын заҵә изыҳәан афатәыжә деигӡо
далагама ҳәа лгәанала дизаӷәуан лара.
Ашьыбжь нхыҳәҳәоны, Марҭа лмахәарқәа кыднахуа, илу­
лакгьы лкаҵкәыр лыманы, рқыҭа аусҳәарҭахь дкылсит. Уажә­
шьҭа имариоуп. Уажәшьҭа уаҟа снеихьоушәа исыԥхьаӡап,
дхәыцуан лара, ажәытәан акәын ианыцәгьаз, хаха-хымш
ам­ҩа иқәхон аҽуаа, уажәы амҩақәа каххаа, Аҟәанӡа акәым,
мышкала Баҭым уцаны уаауеит. Сызкәыхшаша с-Кәанти иҩ­
ны ааигәараҵәҟьа иаангылоит автобус. Сынҭыҵны, аулица
ахьааихысҵәаҵәҟьоуп. Уанӡа сызнеир, скаҵкәыр зынӡа
исзышьҭымхыргьы егьоурымызт. Аӡәы дсыцхраап. Иамуӡар,
инаргыланы сыҩхалар, сызкәыхшаша сҭаца дналбааны
иаахалгалап. Лара иаалҭаххашаз зегьы ҭасҵеит уаҟа. Цәы­
кьанаҵ инеиуеит автобус. Уаха акәзар асасцәа анырзаауа,
рхәы аҟаҵара дахьӡоит. Шьыжьнаҵы, иамуит, сҳәалахеит,
сыз­дәылымҵит. Асҭаршын симбандаз, аусура кажьны, шәхы
ахьынахоу шәдәықәуп ҳәа аҭыӡшәа сылихуеит. Ҭагаланшьҭахь,
уиаҟара аусутә абаҟоу, аха иара изыҳәан еснагь еилаха­роуп.
Иҟаҵа, иу, иааг ада уаҳа акгьы издырӡом.
Лкаҵкәыр налыргылан, аусҳәарҭахь даанаԥшит Марҭа,
аха аҽны мҽышан, аӡәгьы дықәыршәымызт. Лара леиԥш,
автобус даццарц иааз рҳаблантә ԥҳәыскгьы уаҟа дыԥшны
дгылан. Леидара ашьҭыхраҿы акыр длыхәозшәа, уи данылба,
даалеигәырӷьеит Марҭа.
– Бышԥаҟоу, Кама, аҩны шәышԥаҟақәоу, бхаҵкы сцеит? –
лҳәан, лгәыла ԥҳәыс аԥсшәа налалҳәеит Марҭа. Лара усгьы
аӡәы даниацәажәо, ухаҵкы, сукәыхшоуп ҳәа аламҵакәа
дцәажәомызт. Издыруада, шаҟаҩы аԥсамхацыз уи лаԥсшәа,
аха лара ус дыҟан, гәаӷк лгәаҵа иҭашәомызт.

– Ҳазбыргозеи, ҳаҟаӡамкәа анцәа ибирбааит! – лгәахы
кыдгыланы даацәажәеит Кама.
– Ибуазеи, Камахеит!...
– Ачымазаҩ дҳамоуп. Санхәыԥҳа Хәамԥа Уачамчыра
дышьҭоуп.
– Илыхьзеи? – иаалцәымыӷхеит Марҭа. Лгәыла ԥҳәыс
дгәаҟҵәаҟха чымазаҩбара амҩа дахьықәыз, лара, Марҭа,
агәырӷьа-ччараз лыҷкәын иахь дахьцоз, аӡәы иитәыз бзиа­рак ицәылгазшәа, лхы нахылбааит уажәы.
– Хыхь бааԥсык лхы иааҭалеит жәацы, – даҿын Кама. –
Хәышәтәырҭома ари, амца ахьыҩнашәаша! Дҳаманы ҳааит
абрахь. Адехәҭыр ихы хырԥа, аҩы дашьны дықәжьын, уаҳа
уаҩԥсы дыҩнаршәымызт. Ақалақь ахь дҳаманы ҳдәықәлеит.
Уаҟагьы акы нарҿоумыжьыр, ишыбдыруа, ихьаԥшны иу­
хәаԥшӡом. Ҟәрышьқәак ҳаԥшаагәышьан, рыԥсы инаҭаны
дышьҭаҳҵеит.
– Дышԥаҟоу уажәы? Иаууеи, Хәамԥа рыцҳа, алԥхынрак,
абжьымра лхы аршаҟәо ачаирҭа дшыхгылаз, уажәы, ҭага­
ланшьҭахь, уаҩ иԥсы анеивигашаз, лара…
– Дышԥаҟаху, дхьаԥиӡа аиарҭа дыларшәуп, дымԥсуа,
дыбзамхо. Ари уажәоума, есҭагаланшьҭахь иаалызцәыр­
ҟьоит. Шаҟантә дҳарххахьоузеи! Урҭ зегьы схы иқәыскрын,
амашьына сцәымцазҭгьы. Афаха рмоуртә, сасцәақәак ҳҭаан,
аҩы ыжәуа иштәаз, сара сзырԥырымҵит, дара усгьы агылашьа
иақәшәоз уаамызт. Сызгозеи уажәшьҭа, – даҿын лыԥсахы
ԥыжәжәо Кама.
– Ауаҩы зегьы мышкы ианизеилало ҟалалоит, аха нас,
дышнеиуа, зегьы рҭыԥ инықәланы, бшымгәыӷӡо иааман­
шәалахоит. Бгәы кабмыжьын, бхаҵкы сцеит, Кама, – лгәыла
ԥҳәыс џьара акала дахьлыхәаша дназхәыцит Марҭа, аха
амашьына шцахьаз цқьа лхаҿы ианаалга, лгәы нҭаҳан,
деиқәышьшьы дааҟалеит. Цашьас иҟалҵозеи? Ахәылԥаз
еиҭаахуеит. Уи анбыкәу! Иааилашәшәуаны. Аҵхабжьон инеи­
уеит Аҟәа. Усҟан изырҭахузеи акаҵкәыр иҭоу! «Сара соуми
изхароу, ашьжьымҭан арахә саазрылымҵӡеит».
– Бара бабацои, беикәаҳәы-еикәаԥса? – Марҭа дналаз­
ҵааит Кама.

– Смаҭа, Қьаамын хәыҷы дыгәхьаазган… Снабжьысып
сҳәан… – дызцаҵәҟьоз аиаша лымҳәеит Марҭа. Аӡәы
дгәаҟҵәаҟха чымазаҩбара амҩа данықәу, лара…
– Бара қьафшақә бцозаап. Иахьа бзымцаргьы, уаҵәы бцап.
Сара соуп цәгьала амҩабжара иқәхаз акәымзар.
– Саргьы сымцар ҟалом иахьа. Шьапыла ҳдәықәлар, амҩа­
ду аҟынӡа ҳазкылымсри?
– Изакәызеи, Марҭахеит, ибҳәо! Санхәыԥҳа Хәамԥа
лыцқәа хаџьџьалеит ҳәа саҳаргьы, сызцом шьапыла. Иабы­
кәу, быжьба-ааба верс бжьоуп амҩаду аҟынӡа.
Акраамҭа ианеимарк ашьҭахь, еибаргәытәын, баша ҳгы­
лазар аҵкыс ашьшьыҳәа ҳцалар еиӷьуп ҳәа ӡбаны, амҩа
иқәлеит аҩыџьагьы. Насыԥшәа, уамак имнаскьацкәа, еидара
мҩангага машьынак рыхьӡеит. Дара рқыҭантәин иара. Илаԥш­
уа иҟамызт, анцәа иашьапкуазшәа, рнапқәа наиздырххеит.
Дна­рывҟьаны днаскьан, дшаангылазеиԥш, ашофер ихы ака­
бина инҭирҳәҳәан:
– Шә-граммк рыхә сышәҭозар, шәаашьҭԥааны шәызгоит, –
иҳәеит деиқәлафха. Уи илаф ргәахьы инеиуа, ииҳәоз раҳауа
иҟамызт, еидара-ԥсараха амҩа иқәыз.
– Ҳга, абааԥс, ҳга, – лҳәеит Кама.
– Шә-граммк, шә-граммк!
– Шә-граммк ракәым,ԥаҭлыкак усыржәуеит, нан, су­
кәыхшоуп, – лҳәеит Марҭа.
– Шәҩыџьегьы акабина шәҭал, сызкрыда ҳқыҭамҩаҿы, –
иҳәеит ашофер, ихы-иҿы гьежьӡа, ихаԥыц ԥаҟьақәа аарԥшны
дыччо.
Еиҳабы еиҵбыла аибарԥшыха рибамҭакәа, рыҵкқәа
асаа­ра ишьҭассы, акабина ашҟа рҿынархеит Марҭеи Камеи.
Кама ачымазаҩ лхәы зҭаз шәыра хәыҷык лкын, дласӡа
аԥхьа дынҭа­лан, лшәыра лшьамхы иқәыкны, ашофер
лыҽидырӷәӷәала днатәеит. Лара данызҭала, уажәшьҭа ама­
шьына аҿынаирхаргьы цәгьа илымбо, лаԥхьаҟа, ицырцыруа
амра зқәыԥхоз, асфальтмҩа днанԥшылеит. Лкаҵкәыр аарла
дҩахан ашә инылалкит Марҭа. Иналырхеит-иҩалырхеит, аԥх­
ӡы лықәнаҭәеит, иамуит, акабина илызҭамыргылеит. Ашо­фер
имахәар хәымбабисӡа иааирххан, акаҵкәыр ҩышьҭԥааны,

Кама иналываиргылеит. «Иаргьы баргьы шәеибамбааит, са­
ҟьашьуеит!» – лгәы иааҭалҳәеит Кама. Акаҵкәыр ҟьаҟьаӡа
атәарҭа ианықәиргыла, лара Марҭа дахьтәашаз лмоуит, дамкит.
Ҵаҟа, ашьапы ргыларҭахь, иара хәыҵамӡеит.
– Акузов иақәыргылатәуп, Марҭа, ари бкалаҭ, уаҳа ԥсы­
хәа амам, – иҳәеит ашофер.
– Ииашаҵәҟьаны, калаҭк иаҟароуп иара! – инацлырӷызит
Кама дахьтәаз.
– Иамуазар, сукәыхшоуп, хыхь иақәыргылагәышьа. –
Ларгьы амашьына агьежьқәа дрықәгыло, акузов ахь дақә­
ларц деиханы дынкыдлеит.
– Ҭагаланшьҭахь, аԥша ҵәыҵәӡа, ахьҭа былалоит, Марҭа.
Бкалаҭ уаҟа иақәгылаз, бара акабина бҭатәа, – иҳәеит ашо­
фер. Уи иажәа ҟәандақәа хәшаха лгәы инықәлеит аҭакәажә.
Ауаа зегьы абас, абри арԥыс иеиԥш иҟазар… Дгәыбылҩуп,
анцәа днаигӡааит. Ауатка зҭоу сԥаҭлыка ааҭыган иара исҭап
сгәахәуеит.
– Мамоу, сукәыхшоуп, скаҵкәыр хышәҭуеит, икны саатәап
абра.
– Атәарҭа амаӡам.
– Сгылаз, егьоурым.
Архәарақәа рҿы «ачараз» бжьы ақыҭа иналырҩуа,
ишьҭхысаа инеиуан аидарагага машьына. Арахә рҟашәа
алеигозар акәхарын, аҭәа антаталан. Аԥша ананыслалак,
ԥшатлакәҵас еиларгьежьуа, аҭәажәла, асаба, агәам еидгәала
Марҭа илгәыднаԥсалон. Наҟ, амашьына ашьҭахьҟа иамгакәа,
аԥхьаҟа еизыҳәҳәа иахьаанагоз акәын Марҭа иџьалшьоз.
Лыблақәа еихааӷәӷәа, лкаҵкәыр лнапы адырԥсыла илкын.
«Автобус аҵкысгьы дласны дцоит ари. Аԥша мыждоуп
акәымзар, иаҳагьы сласны снеиуеит. Сызкәыхшоу с-Кәанти
исасцәа раара акыр шагу уа сҟалоит».
Лкасы лыхнахуан аԥша, уи данамҵаслак, лхәы-лжьы
еиларгыло, ихьшәашәаӡа лыкәа иҭалон. Лыци-лышәи еихам­
гыло, дыхьҭашьит аҭакәажә.
Бахәык инадыххылазшәа, адыхҳәа иҭрысны иаангылеит
амашьына.

– Ул-ласны уу-аа-уан, с-сукәых-шоуп, аԥша ӷәӷәала-шәа
иас-суан, – лҳәеит Марҭа, лхаԥыц ххаа хәыҷқәа ахьеихакшоз
еихакәашо.
– Ишԥааури, ди, ҳаццакуеит.
Акабина аԥхара данаршы, лӡамҩақәа ҭҵәраа ицо дааҭы­
ҵит Кама. Деихыкка, ԥҳәыс ҳаракык лакәын уи. Лара ита­
та­ӡа акабина дҭатәаны, лгәыла ԥҳәыс хыхь дахьақәгылаз,
иаҳагьы лышәара иацнаҵазшәа, лыхәда ҭҳәа дгыланы
дылзыԥшуан. Марҭа ҵаҟа дналбааит. Иҭабуп ҳәагьы ашофер
иаҳәаха лмоукәа, шәымҩа аабзиахааит иҳәан, днықәхәаша
дцеит амшын агаҿа шыҟаз. Аԥшаҳәаҿынтә арахә рҟашәа
ааигозар акәхарын.
Лгәыла ԥҳәыс Камагьы, машьынак лоун дцеит. Акраамҭа
дыԥшыр акәхеит Марҭа. Афақь аҵҟьа ицо, аганқәа неиужь
исаркьаԥсараха, автобус дуӡӡак аангылеит. Дыбӷарҳәҳәо
лкаҵкәыр аашьҭылхын, лара дагарц иаангылаз џьшьаны, уи
ашҟа лҿыналхеит аҭакәажә.
– Соӷум, нан, Соӷум, – лҳәан, автобус ашә анаат, амард­уан
инаҿалыргылеит лкаҵкәыр.
– Ниету Соӷум, ниету, – иҳәеит асаркьатә кабина дахьҭатәаз
ашофер, иоурысшәа хьыр-выр хәахәа-чахәаӡа, аҭакәажә
деицакуа.
– Ишыбнауааз инхеит џьоукы, еидара гагоума ари ав­
тобус лиуқс. Ауаа зҭымҵуа, изҭамло, ркаҵкәырқәа ашә
иныладыргылоит!..
Пасаџьырк араҟа дақәҵуазаарын, иааимҩатәны Марҭа
лкаҵкәыр аашьҭиԥаан, илбааганы ҵаҟа инаиргылеит. Ицыр­
цыруа аҭанақьы иалхыз ашә аӷьеҩҳәа иныдҳалан, иԥхаӡа
ахылҩа-ԥсылҩа налҿарчы, инықәхәаша ицеит автобус.
– Уца, нан, сукәыхшоуп, амҩа бзиа уақәшәааит, – уи
инашьҭалҳәеит аҭакәажә. – Аҟәаҟа дымцозаап, акәымзар,
сышԥеимгахуаз.
Лара лқыҭан Аԥсара акәызҭгьы, арахә-ашәахә еилырга­
ны, аҭаацәа анааилатәо еиԥш инеихьан аамҭа. Аулицақәа
каххаа, алашарақәа адыркхьан ақалақьаҿ. Гәашәцыԥ­
хьа­ӡа иныдгыло аҽы бжьысеиԥш, аанҿасырҭацыԥхьаӡа
иааҭ­гыло имыццакӡо иаауан Марҭа дзықәтәаз автобус.

Лгәы изыԥжәон ашофер. Ианылзымчҳа, лааигәара илы­­
ватәаз аԥҳәызба иналалҳәеит, ашофер игәаҵәа шыжә­
поу, уаҩԥсы игәхьаа шикым, лара шаҟа дыццакуа.
Аԥҳәызба дааԥышәырччан, быццакуазар, таксила бца
лҳәеит. Уажәадагьы Аҟәа даақәахьан Марҭа. Лара лтәала,
ақалақьуаа цәгьамкәа илдыруан. Еснагь иџьалшьоз, ауаҩы
ибла ҭырхаха духәаԥшуеит, дувагылоуп, дуацәажәаӡом.
Уара ажәак иоуҳәар, ирымчны, дгәамҵноуп аҭак шыҟаиҵо.
Аџьџьаҳәа еилазар! Аа, уажәраанӡа дзацәажәоз аԥҳәызба…
Илоуҳәаран иҟоузеи!... Ус иаангылаларц ахәҭазар акәхап
ари автобус. Аанҿасырҭацыԥхьаӡа џьоук ақәҵуеит, џьоук
ҭалоит. «Абас акы ҳамазар ақыҭан. Ачаирҭахь ҳалацо,
ҳалаауа», – лгәы инҭылҳәаан, лхала дааԥышәырччеит.
«Смаҭа хәыҷы, с-Қьаамын дыцәахьазар акәхап уажәшьҭа.
Ихахәы хышӡа, ихаҵкы исышьҭааит, дзыхшаз раҵкыс, деи­
ӷьысшьоит. Нанду дааит, нанду иҳәап дгәырӷьаҵәа. Аԥхынра
аандаз, даарымхны аҩныҟа дызгон. Нанду дикәыхшоуп,
дыцәаанӡа снеир, аџьынџьыхәа изаазгаз ифап».
Ашә аалыртит Ҭеда. Афатә, арыжәтә, ихлахаҵргьежьыгаха
аҭаҭын лҩа, зегьы еилаӡҩаны излаз аҳауа ԥхаӡа
иналгәыдҳалеит аҭакәажә. Аԥсшәагьы лҳәаанӡа аара дук
лыдызшәа, ас ихьшәаны дахьааз лхы дазгәаан, илҳәашаз
цқьагьы дақәымшәазт, лҭаца дшыналҿаԥшыз:
– Уажәоуп санаауа, – лҳәеит.
– Шәзырццакуаз макьана? – лҳәеит аҭаца, дегьаа­
ԥышәырччеит. Марҭа лгәы нҭаҳа ицеит. Илҳәарц лҭаххеит
амҩан дшыманшәаламхаз, лкаҵкәыр ахьдуцәаз иахҟьаны
дзықәшәақәаз.
– Амардуан аҵаҟа игылоуп акаҵкәыр, арахь ихагал, нан, –
лҳәеит урҭқәа зегьы рцымхәрас.
– Баама, ди, баама?! – азалаҿынтә ибжьы гәаҩаӡа иааҩит
лыҷкәын Кәанти.
– Сшьапқәа ԥҵәааит, нан, сукәыхшоуп, уажәоуп санаауа!
– Уажә бахьаазгьы анцәа иџьшьоуп.
– Шьҭа сабаухәарҭагәышьоу…
– Уажәшьҭагьы имцхәхарым акыр аабгазар!...

Иҳәашьала илдырит Марҭа, уи ибз ашьаҭа кәадахартә
ишижәхьаз. Идтәалаз асасцәагьы аҵкыс еиӷьымзар
акәхарын. Рыӷьалпалбжьы хыҭҟьагаха иааҩуан. Марҭа урҭ
срылаларым лыӡбан, ашә давсны ашьшьыҳәа акәыхәнахь
дныҩналеит. Ҭеда акаҵкәыр шьҭԥааны дшыҩхалаз
еиԥшҵәҟьа:
– Дсас дахьуп иаҳҭоу. Ишахыржәыло шәаргьы шәааип
ҳҳәан, калбасак, чак нарымҵаҳҵеит. Иеибаршьит афатә
иазымԥшыкәа. Дсас дахьуп, дуаҩ дууп, иара ианааигәаԥха,
иахьаҵәҟьа шәыҷкәын магазинк диреқторс днеиҭоит. Аԥха
ҟаҵаны ирхьаагӡароуп, – лҳәан, ажәжәаҳәа акаҵкәыр
дынҭалеит.
– Ахәыҷы дызбар сҭахын. Убарҭ аџьынџьыхәақәа иара
изоуп изаазгаз, ианду дикәыхшоуп, – лҳәеит Марҭа.
– Агәылара дыцәоуп. Ҳасас иҩызцәагьы акыр зылшо
уаауп. Иахьантәарак дышәзыԥшын шәыҷкәын.
– Аидара мҩангага машьынак сақәтәан, шаҟа дарԥыс
бзиаз ббандаз убри шоферс иамаз. Ахьҭа быламлааит, ди ҳәа,
деиқәыԥсышәаха…
– Уи дабашәгәалашәеи уажәы.
– Ауаҩ бзиа духашҭӡом. Акабина сҭаиртәон, акаҵкәыр
иамуит акәымзар.
Аҵх иҵегь инаскьеит. Афатә фҩы иаҳа-иаҳа иҩначуан
акәыхәна. Акраамҭа абжьы лаҳауан, аччаҳәа иџьуа адырган
ианыз агәагәышь ажьы. Лгәахы ҵшьаауа, шьыжьаахыс ҿаҵа
лҿахьы ишҩалымгац лгәаланаршәон уи Марҭа. Ашьҭахь
иара уигьы, азалаҿынтә иааҩуаз абжьқәа инарылаӡҩеит.
Иааҟәымҵӡакәа ллымҳа иҭашәышәуан аԥша. «Дҿаԥхаҿаччо Кама, сара мыжда, лыжә аҵша аризшәа, машьынак
акабина дҭатәазар, атәыла лырбгеит. Акаҵкәыр ауп
акәымзар, саргьы сҭаиртәон. Дҭатәазааит рыцҳа, ачымазаҩ
длымоуп уи. Сара исыбаргәузеи, ргәы бзиа, рхы бзиа, сҭаца,
сыҷкәын,смаҭа, анцәа ишиҳәара…» Автобус дахьақәтәазгьы
ус итатамызт, дырҵысуа нышьк дақәтәаны амшын дхушәа…
лыҷкәын Кәанти, дхәыҷӡахахын, лкалҭ дахьынҳало дыҩуа
длышьҭоушәа, ԥхыӡу хәыцрак далоу цқьагьы илзымдыруа,

иара убраҟа, акәыхәнаҿ, асқам хәыҷы дықәтәаны, аҭӡамц
лыҽнадҵа дахьаатәаз, дынҭаҳәахаа дыцәеит Марҭа.
Данааԥшгьы, ишьҭаланы ицәахьаз дырԥырхагахар
ҳәа дацәшәан, ҽырҵысы ҟамҵа, лцәа дҭаланы, лыҽреиџь,
лнап­қәа лгәыҵаԥса уаҟа дыштәаз, аԥенџьыр иалсны,
акәыхәна иааҩналеит алашара. «Шаҟа иааԥсаха ицәоузеи,
срыкәыхшоуп». Раԥхьа лылаԥш нақәшәеит, амаа қәацәӡа,
иккаӡа иҭацәны лаԥхьа игылаз акаҵкәыр. Аҟәара деиҵасуа
дрыхьҭшьит. Еиҭах лгәы ҿкаауа иааҵалеит амла. «Ашьжьым­
ҭан еиласырхоит. Қьаамын хәыҷы усгьы гәылара дыцәоуп,
дҿыханы дгылаанӡа аԥшыха сымам. Шаанӡа ҳқыҭахь ицоит
автобус. Даҽазны дызбар, ԥаҭлыкак ауатка исҭароуп, убри,
ахьҭа былалоит, акабина бҭал зҳәаз ашофер ҷкәын. Дарԥыс
еилыххан иара. Сцалап. Уажә санибалак, еиҭах иӡарақәа
ҭарс икны аԥышәырччара далагап сыҭаҳмада. Ишԥаҟақәоу,
ишԥабԥылеи ҳәа сазҵаара далагашт, иасҳәозеи? Ибзиахәха
иҟоуп, срыкәыхшоуп сҳәап».
Лкаҵкәыр ласкәантраӡа, лган иавак икны, лшьапԥынҵа
дықәгыла-аақәгыло, ашьшьыҳәа ашә аалыртын, дындәылҵит
Марҭа.
1968

Акәаш - мца
Даазқәылаз аҟазшьа ҷыдақәа ҵиго далагеит Шьааб.
Лқәыԥ­шра ашәҭымҭаз иҩны ашәхымс ихыҵыз иԥҳәыс Ҭа­
кә­на, абар уажәшьҭа лыбӷа хәахьеит, лыԥсҭазаара аиҳарак
иара иааигәара имҩасит. Ианакәызаалак ибла аԥыџь ҵысаан­
ӡа игәы иҭаз лдыруан, аха уажәы иҵигаз аҟазшьа ҷыдақәа
зыхҟьаз шеилылкаауазгьы, ирхылҳәаара лыздыруамызт.
Лгәы дҭахәыцуан: «Избан, иацы акәушәа ари аныҟалаз,
иҿыцӡа изцәырҵны, уажәы ихьааиго дзалагаз? Ианбатәи
аамҭоу ас ҳааиуеижьҭеи, уажәыгь данымшәаӡаци? Амала,
ашара адәы ианаақәлалак, арахә-ашәахә шеилирго, амҿы-

амца дышрышьҭоу, ихы-игәы иханаршҭуазар акәхап, иаҳа
длахҿыххоит. Иҟалап, аус-ҳәыс адагьы, ҽынла, сара иахьызбо
иныԥшыр иҭахымкәа, иҵәахуазаргьы. Агәра ганы дыҟоуп,
уахынла алашьцара акгьы лнарбом, дҭаҳәахаа дыцәоуп ҳәа.
Сара сгәы дагәам, илашәым. Саргьы агәаҵәа сызҭоуп. Иара
дхаҵоуп, иҵегь дыӷәӷәаз џьысшьон,» – абас лхы дацәажәо,
лҟыт-ԥсыт ыҟамкәа дион Ҭакәна. Шьааб ибжьы аармаҷны
илықәиргон, лара лыҽмырҵысӡо, ҽырцәа ҟалҵон. Ииҳәары­
зеи, ииҳәац акәхап. Иабарыхәо иалацәажәар?
Аҵх ықәышьшь ицон. Ақыҭа агәахьы, хараӡа, машәыршәа
лак шыргьы, Шьааб ашырҳәа ииарҭа днықәтәан, агәашә
ахь аԥшра далагон. Иҵарбаҟа иаркыз агәашә аҿыж-бжьы
анымгалак, ишыз ала азыҳәан даӷьуа, ашьшьыҳәа ахчы ихы
нықәиҵон. Икаруаҭ усгьы иааганы, иадыӷәӷәала аԥенџьыр иа­
диргылахьан. Асаркьа аԥша алышәшәоит, ахьҭа зулоуҵозеи,
ухы уаӷахама, уанаџьалбеит ҳәа шаҟантә ималкызеи Ҭакәна,
аха иҽаҿаршәны имуит. Аԥенџьыр аӷәышәқәа аартны, асар­
кьа дышналыԥшра имазеины иҟазар акәын. Алашыбжь дана­
жьа­лак, дшазаӷьуазгьы, еиҭах илымҳа кыдҵаны, уаҳа имга­
ришь алашыбжь ҳәа дӡырҩуа днаион. Аеҵәақәа еилацәҟәуа,
еилыџьџьаауа, иԥенџьыр илаҷҷон. Инахараны иааҩуаз
аӡиас Аӡӷара ашьҭыбжьи, иҵыр-ҵыруа аҵх иалаз арҵуқәа
рыб­жьи аамышьҭахь, ҷытбжьы анимаҳалак, дҟәындҟәындуа, ак аҳәара далагон. Анхара раԥхьаӡа ашьапы зкыз
арԥыс, дықәӷьацарц иалихыз адгьыли, иргылахьоу ахыб­
реи игәазхара ианизымбо еиԥш, ҵхагәҭаны, харԥ заҵәы
дшы­ҟоу, адәахьы дындәылҵны, инхара-инҵыра ахәаԥшра
хҭеикит Шьааб. Иҩны ахьықәгылаз адгьыл, кәакәарҵас ихы­
кәымпылааӡа, иҩылгәыгәны иҟан. Иҩны ҳҳәаргьы, хыбрас
иҟаз оумак егьыҟамызт. Ган ҩны маҵурҭак изгылан. Раԥхьаӡа
ианиргылоз, иара инапала хәажә быцала еилырффаҷа ишш­
ны иҟаиҵеит уи. Ашьҭахь, иара иҳәашьа, иқыҭан, Аԥсара, зегьы
акультура анрылс, иаргьы иган ҩны даакәшан, адәахьалагьы
аҩныҵҟалагьы ишьыхит. Уи «акультура» зкьымсыз ихәышҭаа­
ра ауп. Ауаџьаҟҵәҟьагьы дзамышьцылеит. Аихатәы хчныза
хәхәаӡа иарсны, ахәыш­ҭаара ҭбаа-ҭыцәӡа, аԥсуа мца изеи­­

қәын. Еиҿарԥа-еиҿарԥаны ҩ-рхнышьнак ахакнаҳан. Ҭакәна
аҭуан алҩақ аҵлыршәшәартә амч лымамызт. Иара даазқәы­
лаз, амца амҿы убриаҟара ақәиҵо далагеит, аихатәы хчныза
абӷа ҭахәало аҟынӡа инеи­цон. Уахынла ианышьҭалозгьы, аџьтә
кәашқәа, реиҳа акраамҭа имбылша, ааганы иақәижьуан.
Аҵх агәазы, ҽынла иимбац акыр ибозшәа, амӡырха дны­
қәлан, даанаԥшы-ааԥшуан. Дааҭгылан, акраамҭа дыԥш­­уан
иган ҩны ахықәцәахь.
«Иҩеиуеит, сылҩаҵә, ихәхәаӡа иҩеиуеит! Џьоукы рцас
аҟынтәгьы иҩеилаааит. Акәаш-мца арцәара мариам!» – иҳәон
ибжьы ҩҭганы. Ирахә ибжьы рхашҭыр ҳәа дшәошәа, ибжьы
ҩарыларганы, атрышә длас-ҩасуан. Иара иҵанакыз анхар­
ҭа ҭыԥ тәым рахәык ҭалар, акыршифоз ихәы имҵнахыз­­шәа
иԥхьаӡон. Идгьыл тәым рахәык ашьапы шықәгылам, иара
ирахә-ишәахә ахәапаҳәа ижаҳәо иштәоу агәра анигалак,
даахынҳәны дааины дышьҭалон. Иамуӡакәа акраамҭа да­
нызмыцәалак, ибжьы налықәиргон иԥҳәыс:
– Бааԥшуама?
– Иухьзеи? – ларгьы зҵаараны аҭак ҟалҵон, гәамҵра
ззымдыруаз аԥҳәыс ҭынч Ҭакәна.
– Бындәылҵны бнаԥши, ҳаҩны ақәцәан алҩаҵә хәхәаӡа
ишҩеиуа ббап. Акәаш-мца еиқәысҵаз алҩа ҩанашьҭуеит.
– Адәахьы сдәылҵны алҩаҵә сзахәаԥшуа, наҟтәирахь
сныҩналар, амца ахаҭа сымбои.
– Бҽырԥха сымҳәеит сара. Акы шԥабзеилымкаауеи? Быцә
наҟ, быцә! – длызгәааны дҟәынд-ҟәындуан Шьааб. Ԥыҭк
анааҵлак, ихазы мацара иҳәозшәа, инациҵон:
– Џьоукы рцас аҟынтәгьы!..
Ҭакәна илдыруан уи ажәа ахы ахьцоз.
– Иухшаз иоума узеикануа, – лҳәон, даақәыԥсычҳаны.
– Бара иаҳа дыбԥоушәа, бшаҟәыҵра, бдинаныс! Сиеикан
акәым, сиваҩны аҭарчеи имаскит. Сашҭа адунеихаан ишьапы
ҭаимыргыло дҟасҵоит, убриоуп иҟало. Убрахь скылыбгоит
бара!
Урҭқәа игәы алаиҟычырц ишиҳәоз лдыруан Ҭакәна, ила­
ҿылҭуамызт. Иара ихаҭагьы идыруан, игәала изхараӡа­

мыз ишлыхҭниҟьоз. Абас шаҟантә. Аха уахык, ларгьы иа­
ҳа лгәы маҷханы даныҟаз иақәшәоу, лыбжьы ԥаса аасҭа
иаараӷьны:
– Ухы иазумуа уаӷагьы иузиуам. Изхарада?! Арахә
драҩухит. Еикәанҵәо анцәа исирбааит џьмагьы, жәгьы! –
лҳәеит. Илҳәаз лхаҭа лылаӷырӡқәа хадырҟәҟәалан, аҭӡамц
ахь днаҳәны днаиеит. Дыԥшын уажәымзар-уажәы ибжьы
рдуны аӷьра далагоит ҳәа. Шьааб зҭак ҟаҵашьа змам
ажәак иаҳазшәа, деиқәпата диан. «Абри ииашаҵәҟьаны
сара исхароума? Иан аҭакәажә лыдагьы аӡәык-ҩыџьак
исарҳәақәахьеит, сара саҵкыс дара иаҳа дырҭахушәа».
Аҵх лашьцара далаԥшуа дахьиаз, акакала, ажәак
ацымҵо-иагмырхо, игәалашәо дала­геит иҷкәыни иареи
аҵыхәтәантәи реицәажәара.
Усҟан ҽаҩраҭагалан иҩҭысхьан. Аҭаацәа бзиа анааила­
тәоз еиԥш, аусҳәарҭа аҟынтәи дааит Шьааб иҷкәын Дыгә. Иан
акҿаҩра дныкҿалан, ажәжәаҳәа ихәы армазеира дналагеит.
Дтәан иара деиқәсаҟәа, ажәак ихәлымшәо.
– Иухьзеи, уара, уабду дышьны ухәда дахшьушәа, аӡәыр
уипҟама? – дааԥышәырччашәа ҿааиҭит Шьааб.
– Сабду дахшьым, аха сыхәда уара уқәтәеит уааины, уара!
– иҳәеит Дыгәгьы.
– Уиаҟара уԥнажәартә иуасҳәазеи?! Узыниазеи, лафк ухы
иаламӡо?
– Урыдызцалазеи, – иҳәеит Дыгә, уажәы иаҳа иҽырҭынч­­ны, – изрымоукуазеи?
– Исҳәазеи уиаҟара?
– Ездора иааԥҭра ахьықәгылаз ахәаҿы ача лаҳҵоит
анырҳәа, уаапкны урҿагылеит...
– Мцызма, нас, исҳәаз?! Зхы зтәу ауаҩы абнаҟа, аҭаҭын
ыҵхны ача лаиҵома? Ачакакал ақәа илықәӡәӡәаан иама
ицеит, аҭаҭын усгьы иҵышәххьан. Уигьы шәымамкәа, егьигьы
шәымамкәа, сара иахьысҳәаз аҟны шәаанагеит. Апарсадатл
иӡбеит уҳәеит. Уи иӡбазааит, аха уара узидтәалоузеи ҩызас
уаҟа? Ииашам акы иҳәар, дуриашарц акәӡами?
– Сара уажәоуп аарла ҳәа уаҟа снеины саннықәкьакьаз,
ирҳәо саҿаӷьаӷьо, уара уеиԥш рымакра салагарыма?

– Ахырқьиаразоуп, дад, изуҳәо. Уажәы шԥакәу уаҟа уан­
неиз. Сынтәа ԥшьышықәса мҵуеи? Шықәсык, ҩы-шықәса,
уқәра, уԥышәа иаԥшны иуанарыжьыз, еснагь иуанарыжьуа
џьумшьан ажәлар.
– Ажәлар рҟны сҿы сзеихыхуа сыҟазар умдыруеи? – иҳәеит
Дыгә.
– Иухьзеи, умаҳагьоума уҿы узеихымхуа?
– Уара уаасаҽԥныркылоит, уара, зегь сумырҳәар умуа­зар.
Аԥшаҳәаҿы,ажәытә ақәаҵа ахьыҟаз, аӷдара хтны амхы лаҳҵоит
ҳәа ианалага иумуит, уеиха кны урҿагылеит, еиҭауасҳәахуеит,
ача алаҵараан ус ҟауҵазар, нас шаҟа уҭахузеи?! Унеины аӡәы
ак иаҳәишь, иуеиҳәо уаҳап. Уцаны уаб дыбжьала, ҳара ҳакәым,
ҳәа иаасаҽԥнырҳәо сҟауҵеит.
– Ажәлар рҿынтә усеиԥш аӡәгьы иуеиҳәом. Ажәлар
ракәым, аха убарҭ рҵыхәа кны узышьҭоу аӡәы лахь уиҭар ҳәа
ушәаны уԥсуеит.
– Алахь аҟны сыҟам, уара уҵыхәала, амхра аҿынӡа снар­
цахьеит. Уи зегьы иазаауазеи, уахь ихьаршшо сааиуеит,
– иажәа аҿагәыбзыӷрахь ииаигеит Дыгә. Шьааб идыруан,
иҷ­кәын акы аниҭаху ауп абас дҿагәыбзыӷуа данцәажәо.
Ииҳәа­рызеишь ҳәа дыԥшын. «Уамаӡак акәымзар, ииҳәо
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 19
  • Büleklär
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3422
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2327
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3424
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2318
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3457
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2376
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3416
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2475
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3405
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2371
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3473
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2315
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3441
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2424
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3410
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2312
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3368
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2375
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3363
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2265
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3437
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2316
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3332
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2278
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3379
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2340
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3316
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2294
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3375
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2336
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3413
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2363
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3378
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2131
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3368
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2346
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 19
    Süzlärneñ gomumi sanı 3361
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2294
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 20
    Süzlärneñ gomumi sanı 3385
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2378
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 21
    Süzlärneñ gomumi sanı 3046
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2153
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 22
    Süzlärneñ gomumi sanı 3962
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2010
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 23
    Süzlärneñ gomumi sanı 4058
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1963
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 24
    Süzlärneñ gomumi sanı 4032
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2070
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 25
    Süzlärneñ gomumi sanı 4407
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2082
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 26
    Süzlärneñ gomumi sanı 4378
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2223
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 27
    Süzlärneñ gomumi sanı 4049
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2320
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 28
    Süzlärneñ gomumi sanı 3350
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2336
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 29
    Süzlärneñ gomumi sanı 3323
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2312
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 30
    Süzlärneñ gomumi sanı 3372
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2315
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 31
    Süzlärneñ gomumi sanı 3345
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2263
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 32
    Süzlärneñ gomumi sanı 2958
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1986