Latin

Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 14

Süzlärneñ gomumi sanı 3316
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2294
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
ате­­лефон аномер иоуҳәеит! Иааубалак ираҳәо удәықәуп!»
– иаҳагьы дгәаауеит Агра. «Иасымҳәаӡеит, бааԥши, иҟоу
ббама, иасымҳәаӡеит. Иара дтәаны ателефон дшасуаз,
бара бтеле­фон аномер иақәшәеит», – иуҳәаз шгаӡароу
удыруеит. Ухы-уҿы иҵегьы абзамыҟәра шықәлаз асаркьа
уанԥшылошәа иубоит, аха абри абзамыҟәрагьы ахьузҳәаз
уеигәырӷьоит, аӡы иашьуа қыд уахәак имԥыхьашәар аҟара.
Уи зегьы лбоит, еилылкаа­­­уеит Агра. Ччаԥшьк аарықәлоит
лқьышәқәа. Ихдыртлаз амаҷар еиԥш, угәы иҭыҵәаны
аҿаанахоит агәырӷьара. Дуҿаԥш­уеит. «Ишԥаҟасҵари?
Уара уеилыскаауеит, аха сеилкаа саргьы, ишԥаҟасҵари?»
– рҳәоит лыблақәа.

Лхы-лҿы аҽаԥсахуеит, иаараӷьны ҿаалҭуеит: «Уаҳа исым­
бароуп ателефон уасуа!» – дцоит.
Акгьы ихараӡамкәа изацәҳаз ахәыҷы иеиԥш, акраамҭа
угылоуп угәи-угәи еилаԥшуа. Уԥсы еилаҵәо, угәы еидыӷәӷәало
ианалагалак, «шәиу-шәи, шәиу-шәи» ҳәа, акгьы иазҳәаӡамкәа
ушәышәуа, ушьҭахьҟа уаахынҳәуеит. Ушнеиуа, уздыруа аӡәы
даауԥылоит.
– Еи, ушԥаҟоу, Гәыда? – иҳәоит.
– Аӷьараҳәа сыҟоуп. Уара ушԥаҟоу? Аҩныҟа шәышԥаҟақәоу
хәыҷла-дула?! – ибара уеигәырӷьошәа, аԥсшәа карҵәаӡаны
инаиоуҳәоит. Уимоу, иахьааугаз уаргьы иузымдырӡо, ччаԥшьк
аауҿықәлан, уагьааԥышәырччоит. Иара еиҭа ҿааиҭуеит:
– Изакәызеи, ушәышәуа амҩаду узану?
– Ашәишәиқәа ԥхьасцоит! – уҳәоит, аԥсшәа иоуҳәаз ши­
зымхаз анубалак. Уџьыба унапқәа ҭакны, иааухашҭыр инау­
кәаҽрашәа, ухы уҩахан уҿыноухоит. Уи уацәажәара шигәаԥ­
хоз дааныжьны уаниԥырҵ душьклаԥшны иҳәоит:
– Дыԥшқам-дҳасым. Ахагацәа реиԥш дшәышәуа аулица
дануп.
Уаахьаҳәуеит, иара ихаҭа инаиқәыкны уаашәышәуеит.
Унеиуеит ухы укәамҽырц уҩахан икны.
Абри ахьынӡаугәалашәо, акы уҳәарц уҭахны уҿы акызшәа,
уихәаԥшуеит уҩыза. Атрубка «ҵәиит, ҵәиит!» амшуп, иузы­
ҟалазеи ҳәа аанаго, дуҿаԥшуеит иара.
– Лтелефон аномерҵәҟьа узымдырӡои, уара ахҭԥшша! –
атрубка нықәижьуеит.
– Иҟоу умбои, иацы ателефон станциа аҟнытә рыҩны
иаакылсын, аномер рыԥсахит, – уҳәоит. Егьиашаҵәҟьоушәа,
иуҳәаз амц ухаҭагьы агәра угоит, угәгьы иаанагоит аномер
здыруазар сылзамысуаз ҳәа, ателефон ҿыц ҳзықәдыргылар
асра азин усҭоит ҳәа уалҳәахьоушәа. Ухы ужьеит, аха
дузымжьеит уҩыза. Уи атрубка аақәихуеит, аилкаарҭахь
дасырц.
– А-а, уааԥшы, иҟоу убама… ртелефон зынӡа иамырхит.
– Абас умҳәоз нас! – уҩыза дужьеит. Уаргьы, уф-гәышьа
ҳәа уԥсы ааивугеит. Аха убри аамҭазы:

– Ҳдәықәҵа! – иҳәоит.
– Иаба?
– Лыҩны ҳнеип. Ҳакны ҳарфома лани лаби, – умахәар
нҭарсны уима ашә ахь иҿынеихоит. Ахәыцха ааумҭаӡакәа,
ууада шәындәылҵуеит. Шәынҭалоит имашьына. Ахәы
даҿаланы, Агра дахьынхо аулицахь аҿыҩаирхоит. Амашьына
ԥырны ицоит, аха уи аҵкыс иласхоит ухаҿы иҭеибаҳәо
агәалашәарақәа.
…Мызк еиҳа ҵуеит думбеижьҭеи. Егьа амҩақәа урын­
гылазаргьы иамуит, џьаргьы улықәымшәеит. Уажәы
иугәаӷьит. Ушьамхқәа ҵыс-ҵысуа, учабра аауҿшьуа,
унацәкьарақәа руа иақәурӷәӷәаша узымдыруа аҵәҵәа
уахәаԥшуа ашә уадгылоуп. Унахькьысуеит, адунеи аԥсҟы
зегьы убри акнопка иакушәа. Ашә аалыртуеит лан. Уи аукы,
зхахәы шлоу ԥҳәысуп, лыблақәа еснагь маҷк иааргызмалны
духәаԥшуеит. Иуҭахузеи, узаа­­зеи ҳәа дуазҵааӡом, урҭ лыб­
лақәа зегьы рбоит…
– Уааи, нан, Гәыда, арахь, – лҳәоит, лыбжьы уеиҭаахма ҳәа
шаанаго еилукаауеит.
– Уахь? Аа, аиеиҵәҟьа, уахь сымнеикәа… – акы ааи­
лоупатҟалеиуеит. Заа иуӡбахьан, уазхәыцхьан, Агра ла­
кәымкәан, лан ашә аалыртыр иуҳәаша, ухы шымҩаԥугаша,
аха, ашәхымс ухыҵаанӡа, ицеит зегьы науҿыҵаба.
– Агра дыҟаӡам, аха шәҟәык уҭахызар, унеины урылаԥш,
– лҳәоит лан. Зеиԥшыҟам ала илдыруеит ашәҟәы уҭахы
акәым, ибаны ушнымхо, аха ухы злаурқьиаша лхаҭа иузы­
лыԥшаауеит.
– Шәҟәык сҭахыҵәҟьамзи, – уи унахьынҳалоит. Ашә­
ҟәеиқәҵарҭа унадгылоит. – Шәҟәы ссирк уҭахны, иумоур
ԥсыхәа умамкәа уашьҭоушәа ҟауҵоит. Усҟан ублақәа
цәыҵырԥшны ауадақәа урыҩнаԥшуеит, Агра дубозар ҳәа.
Улаԥш нақәшәоит апианино аханы иқәгылоу апатреҭ.
Уи Агра лоуп. Духәаԥшуеит. Лыблақәа аԥхарра, ататара
рхыҳәҳәылоуп. Лыччаԥшь маҷк иаацәыҵагызмалуп, уара
угәы сышҭатәоу сзымдыруа џьушьома лҳәозшәа. Апатреҭ
ушахәаԥшуа, ушанхоит, аԥышәырччара уалагоит. Унапы

рхаха, амхылдыз укны уагошәа, апатреҭ ашҟа уҿыноухоит.
Иаақәухуеит.
– Уажә ааигәа иҭылхын, – лҳәоит лан. Ацәа уалҵызшәа
уааҭрысуеит. Убасҟаноуп ианудыруа уи дышухәаԥшуаз.
Уаақә­гьежьааны, ушьҭахьҟа уҿыноухоит, удәылууаа уцар
зегьы иреиӷьушьоит, аха усҵәҟьа узыҟаҵом. Иаалуԥаауеит
ашәҟәеиқәҵараҿ иумԥыхьашәаз шәҟәык. Ашәаҿ унеиуаны,
иугаз ашәҟәы лылаԥш нақәшәоит Агра лан.
– Ахинди бызшәа уҵома, нан, ари ажәар зуҭахузеи? –
лҳәоит.
– Аа? Аа, ахинди бызшәа саламгеи аҵара, ишәзымдыр­
ӡоз?.. – уҳәоит, уи аҩыза абызшәа ыҟоуп ҳәа шумаҳацызгьы.
Мышқәак аабжьысуеит. Уразҟы иакуеит, шәеиқәшәоит
Агреи уареи. Уи дыччаргьы лҭахуп, аха уара уҟынтәи аарак
лыдны, лхы-лҿы ианыԥшуеит. Иуалҳәоит рыҩны уаннеиз лара
дшыҟаз, лыҽшылҵәахыз, амц ахьыллырҳәаз азыҳәан, уара
уанца лан дышлабашьыз. Уара уоуп убри зхароу. Уи адагьы
уара иухҟьаны даазқәымшәац иҟоузеи!..
Абри ахьынӡаугәалашәоз, лыҩны ааигәаанӡа инеихьеит
шәызҭатәоу амашьына. Иӡамҩақәа иҵегьы иҟаԥшьхахьеит
уҩыза, уаргьы уԥсы арҟәыкхьеит аҟаршоура. Аҩны шәнагәы­
дыԥшылоит. Убри аамҭаз, ацәа уаалҵызшәа, ҿаауҭуеит:
– Ҳаи, ишԥасхашҭи!..
– Изакәызеи иухашҭыз?
Уаахәыц-хәыцуеит, ашьапы аҵаҵа, анапы аҵаҵа цқьа
еиқәуршәоит умц.
– Ишԥасхашҭи, ишԥасхашҭи?! Иахьа лан, лаб, лара
ишынҭаацәаз инықәҵны ицеит.
– Иабацеи? – алыра хжәазшәа, атыҟҳәа иааникылоит
уҩыза имашьына.
– Абрахь, наҟ, хара, абрахь…
– Иаба? Абрахь, абрахь, иҳәа уаҩҵас!
Уахәыцуеит: «Иабасышьҭри амашьына ахьзымнеиша?»
– Амтҟьалҟа. Иабыкәу, уи ахьыҟоу аҽадагьы зхалом!
– Уажәраанӡа иумҳәоз, аф усааитеи?! Уныжьны дыш­
ԥацеи?

– Мчыла лани лаби дрымгеи! – ухаҭа иџьоушьоит абри
аҟара амц аиқәыршәара уахьазҟазахаз.
– Уцозар уаала, мамзар сара соужь, – иҳәоит уҩыза.
Амашьына унҭыҵуеит. Унапы изуҟьоит. Ажыҩҳәа иҿынеи­
хоит уҩыза. Ԥыҭк данынаскьалак, амашьына ааникылоит.
Шьҭахь­ҟа аҿааирхоит. Уааигәа данааилак ахышә ихы ҭыр­
ҳәҳәан:
– Умгәаан, иаӷьны иахьысҳәаз. Бзиаӡак сгәалашәеит, –
лыхьӡ иҳәоит убасҟан Сима, Сырма, Селма, Селҳа ҳәа џьара
ӡӷабк, нас инациҵоит: – Зеиӷьаҭам аҩыза бзиа длымоуп,
ҳдәықәҵа! – ухы убыӷбыӷуеит. Ирласны иузыӡбом, иуӡбар­гьы
угәы ԥнаҵәеит амц аҳәара.
Уҩыза днаухәаԥшны, акы улымҵит аанарго, инапы ааи­
ҟьоит. Дцоит днықәыԥраа. Уара ухәыцуеит: «Дабаҟаларишь
иахьа­тәи аҟаршоураха Агра? Дызласыԥшаарызеи?»
Ухрааӡраауа уҿыноухоит, уахьцо узымдырӡо.
Иубаргәызеи аӡынра анааилак! Асы алеира, икыдхаҽа
ақәа алеира – иаҳагьы иузеиӷьуп. Умҩашьахуа иудыруеит
Агра лыҩны дшыҟоу, лҩызцәа лыцны дыҟазаргьы, лҩызак
длысасуазаргьы ауеиԥшым, аха лыҩны дшыҟоу, џьаргьы
дшымцаз агәра анугалак еиҳа уҽурҭынчуеит. Иҟоуп иҵегь
излоузеиӷьу аӡын. Аԥхын, усура данцо-данаауа, аԥша на­
лыхь­лырсырц, зны амшын ахықәала дцоит, аҽазны – ахәқәа
днархыҵны. Аӡын мҩакоуп илымоу. Еилукаахьеит иарбан саа­
ҭу уаҟа данааиуа. Архәара уавагыланы уԥшуеит. Ус умамшәа,
баша уҩызак дааираны уизыԥшуашәа дурбоит инаувс-аавсуа.
Ақәа ауаны балконк аҵа уҵагылазар, џьара аӡәы дааины
дааудгылоит. Уажәы-уажә асааҭ уахәаԥшуеит.
– Дагхома? – иҳәоит иааиз.
– Дарбан?
– Уԥҳәызба.
– Арԥысуп сыззыԥшу, ҵыҵындра ҟәшәара ҳцап ҳәоуп
иахьа, – аӡын агәҭа аҵыҵындра ҳәа иуҳәаз, уҳәашьа уи ауаҩ
инардыруеит иара изыҳәан угәы иаанагаҵәҟьаз.
Улаԥш налықәшәоит. Нахьхьи аулица ааихылҵәеит Агра.
Ақәа хкәахьеит, аха уплашь ақә уҩаханы ашырҳәа уҿыноухоит.

Унахыкәшоит даҽа мҩак ала. Ухы ларҟәны, хәыцра дук уаманы,
насгьы цәгьа уццакуашәа, зны-зынлагьы унацәкьарақәа неи­
ҵыхуа, иаахарҟәало унеиуеит. Лаԥхьаҵәҟьа уанаагылалак,
ушымгәыӷӡо шәааиҿаҳазшәа:
– Ара бабаҟаз? – уҳәоит.
– Усура сымцои, – лҳәоит лара. Лқьышәқәа аччаԥшь
рықәыжжуп. Ус лара илҟазшьоуп, аха уара агәра угоит уа­
хьылбаз деигәырӷьеит ҳәа. Ари амч уланаҵоит, иагьуҳәоит.
– Бнаскьазгап?
– Мап, – лҳәоит Агра.
– Сара усгьы уахь сцоит, – уҳәоит уара.
Улывагыланы уҿыноухоит. Унеиуеит умҵысӡо, апарад
здызкыло асолдаҭ иеиԥш, уҽыриаша-уҽеидыԥсала.
– Бгәабзиара бышԥаҟоу уажәы? – уҳәоит, дычмазаҩын ҳәа
уаҳазшәа.
– Сара сыбзиахәхәа сыҟоуп. Аҽыхәышәтәра зҭаху ҽаӡәызар
ҟалап, – лҳәоит лара.
– Аџьыҟә дзыриашо бымдыруеи, Агра? – уҳәоит уара,
ԥышәырччарак мчыла иаауҿықәҵан, уналҿаԥшуеит.
Иуҳәаз лцәымӷхоит. Илцәыцәгьоуп, аха далагоит уаҳәара.
Уара уи ацәажәара аҽаџьара иахугарц уалагоит, избанзар
иудыруеит илҳәо. Илҳәозеи – иуалҳәац. Лажәа налыҿԥаа:
– Сара уеилыскаауеит, патугьы уқәысҵоит ҩыза бзиак
иеиԥш, аха… – уҳәоит лыбжьы ухаҵаны.
– Уаҟәыҵ! Уара зегьы хәмаргас ишьҭухуеит!
Уҽхырцәажәара, мчыла уччара зегьы наухҟьа ицоит.
Шәнеиуеит шәеицны. Дахьымцәажәо иаҳагьы еиӷьушьоит. Иу­
дыруа уаҳарц уҭахӡам. Уеизгьы, гәыӷрак угәаҿы иааҿыхоит.
Уналҿаԥшуеит. Даахьаҳәны уаԥхьа даагылоит. Уплашь
аҳәынҵәрақәа еибалыркуеит, ахәда хьалырҽуеит.
– Абасҵәҟьа уҟамзар… – дналагоит, аха аҳәара лцәуадаҩуп,
угәы дасыр ҳәа дшәоит.
– Иҵегь сыԥшӡазар, сҟәышзар…
– Уаҟәыҵ. Ушгаӡам, уԥшрагьы шыцәгьам уаргьы иу­
дыруеит… Ауаҩы ихи имчи еиқәхозароуп. Ибзиабаразгьы,
иаԥсам ауа­­ҩы даныланарҟәлак…

– Исаҳаит, ибҳәац ауп. Исхашҭыз, иахьыхароу қалақьк ахь
сцарц сыӡбеит. Аблеҭгьы ҿасҵахьеит.
– Иҟалап, Гәыда, уи иаҳа еиӷьзаргьы. Сеилкаа, ишԥа­
ҟасҵари…
– Акыр сыбԥырхагоума, аус зуеит, сыԥсы ҭоуп, иахьа
машәырла ҳаиқәшәеит… Аблеҭгьы ҿасҵахьеит. Ашәҟәқәа
сзыбыҩлауоу? – инеиԥушьит ҩ-мцык.
– Иузызыҩуеит.
Лусурҭа ааигәа шәнеиуеит. Даахьаԥшны, ачымазаҩ гәыр­
ӷәӷәагас ихәаччо аҳақьым иеиԥш, дааԥышәырччан дцоит.
Акраамҭа угылоуп. Уанаахынҳәлак – ахәыцра уалагоит!
«Сегьцаҵәҟьап ҳәа сыҟоуп снықәҵны. Уахь џьара аусура са­
лагап. Аамҭа цап. Ларгьы илзеиӷьуп, саргьы». Инықәыршә­­ны
уцоит адәыӷба аанҿасырҭахь. Уазҵаауеит акассаҿ:
– Аблеҭ шәымоума?
– Шәабанӡацои? – лыхцәы хьаԥшшәылан, лыблақәа ҭыԥ­
хаауа даауҿаԥшуеит акассир ԥҳәызба.
– Сабацаҵәҟьои?
– Дахьцоз ихашҭит! – акыркыр дыччоит аԥҳәызба.
– Исгәалашәеит. Иркутск, мап, мап Владивосток. Иб­
маҳахьеи, Владеи-Восток, Владеи-Кавказ? Сцоит убарҭ
сытҟәарц, – лафкгьы уҳәарц уналагахуеит.
– Ахәмарха ҳамам, арԥыс… – аччаԥшь налҿықәба ицоит
аԥҳәызба. Уи лыбӷа аниоулак, ипартфел еимгәач ду аҟыԥ­
ҳәа иааԥсах, егьи инапала иаанкыланы, ибжьы ҭахәлакны
ҿааиҭуеит ушьҭахь игылоу:
– Араҟа бульварым, арԥыс, лафҳәарҭам! – дегьынаугәҭас­
уеит. Убасҟан, ухы иааҭашәоит: «Мурманск». Уҩыза, амшынуаҩ, арра убри ақалақь аҟны даныҟаз ашәҟәқәа ахьизуҩлоз
ауп уи уҿазыршәаз.
– Исышәҭ аблеҭ Мурманскынӡа, – ухы лылоугаларц цас
иуҳәаз џьылшьоит аԥҳәызба, аха ларгьы цасҳәагьы аблеҭ
улҭарц лҭаххоит. Деимдоит, дхәыцуеит, нас илҳәоит:
– Мурманскҟа иҳамаӡам.
– Ԥсыхәак сзыжәу, сымцар ҟалом. Ателеграмма бааԥс со­
уит, – лыҳәара уалагоит.

– Шәааи ҩымшҟа анааҵлак, издыруада иҳаур, – лҳәоит.
Акасса унадҵуеит. Угылоуп уахьцара, иҟоуҵара узым­
дыруа.
– Арԥыс, – лыбжьы науқәлыргоит акассир ԥҳәызба, акасса
аԥенџьыр ашә хәыҷы лхы аалакны. Унхьаԥшуеит.
– Амҩаԥгаҩ шәиҳәа, издыруада шәигар…
– Аиашаҵәҟьа, иҭабуп, – ԥсеиқәырхагак уалҳәазшәа,
угәырӷьаҵәа уҿынаухоит.
Адәыӷба мҩаԥгаҩцәа рымаҭәа еиқәаҵәақәа аҭанақьы
ҳәынҵәрақәа ақәыртәаны, апарадахь ицошәа, рбираҟқәа
еикәарҳәы икны, дасу ивагон амардуанаҿ дгылоуп. Аӡәа­
ӡәала урывсуа, урҿаԥшуеит, реиҳа зхы-зҿы қьианы иубауа
уиҳәарц. Даналухлак, иааигәа унеи-ааиуеит. Иҭаижьло ауаа
анаамаҷхалак, унапырҟәыҷы-шьапырҟәыҷуа унаидгылоит.
Ушалагара уздыруам. Ухы-уҿы аҿынԥшылара убасҟак ирыц­
ҳаутәуеит, амҩаԥгаҩ гәаҟрак уақәшәазаап ҳәа духәаԥшуеит,
ихахьгьы изаагом, ас еиԥш иақәшәаз аблеҭ узырымԥшааит
ҳәа, иара игәы иаанаго – ҟәрышьк уџьыба иҭаршәым ҳәоуп.
Уҿынԥшыларала абранӡа данноугалак, нас иаахтны иуҳәоит:
– Аԥара сымоуп.
– Уҭал, – ихы неиҟьоит, уара уаҵкыс иара дгәырӷьоит.
Амардуан унхаԥалоит. Атамбур аҟны угылоуп. Уԥшуеит
уааҟәымҵӡакәа, уԥшуеит аперрон ахь. Ауаа еилаҭыруеит. Уа­
жәымзар-уажәы унаскьагараз дааиуашәа убоит Агра. Уаҩ
дыҟам. Даҽазнык лылабара уаргәаҟуа уалагоит. Адәыӷба
аҿынанахоит. Џьоук гәыдеибаҳәҳәалоит, џьоукы рнапқәа
рҟьоит. Еиԥырҵуеит ауаа. Уи еиҳагьы угәы иасуеит. Адәыӷба
аҿынанахоит, амардуан ахь уааскьоит, уԥшуеит. Џьаргьы
дыҟам. Адәыӷба аныҟәашәа иацлоит. Уналбааԥоит. «Бзиала,
иҭабуп!» – унапы изуҟьоит амҩаԥгаҩ. Уи инацәа иаргәыҵысҭа
иадыргьежьыло иуирбоит, ухы утәӡам аанарго. Уара уччоит,
угәырӷьоит адәыӷба умҵарсны уахьамгаз, уахьаангылаз
узеиӷьушәа. Уаауеит, уалҵны цашьа умамкәа узшьаҳаз ақа­
лақь уалаланы. Убасгьы угәы иунаҭоит, акраамҭа уҟамызшәа,
абыржәы адәыӷба уааҭыҵызшәа. Ҳәарас иаҭахузеи, ариаҟара
аамҭа узымбац Агра угәхьаалгеит, угәхьаалгазар, дгәырӷьоит

ушааз лаҳар. Ателефон аашьҭыхны уасуеит. Акраамҭа ҿуҭӡом,
ашьҭахь амшын нырцәынтә игошәа убжьы ааҟаҵан:
– Мшыбзиа! – уҳәоит.
– Бзиала! – лҳәоит убжьала удырны. Иуаҳауеит «крын» ҳәа
атрубка шықәылҵаз. Ателефон будка уааҭыҵуеит, уахьҭакыз
абахҭа акамера ашә аадыртызшәа. «Мшыбзиа – бзиала!» –
абарҭ ажәақәа шуҳәо-шуҳәо,дара-дара еилаҵәо, еилало, ажәак
рылҵуа иалагоит: «Мшыбзиа, бзиала». Угәахы еидыӷәӷәало
ианалагалак, «бзиала, бзиала» мацара аанаго уаашәышәуеит.
Мышқәак анааҵлак, аусура аҟнытә ушиашоу уеиҭацахуеит
дахьымҩасло.
«Машәырны» шәааиԥылоит.
– Ушԥаҟоу? – лҳәоит Агра.
– Аӷьараҳәа, сыбзиахәха! – уҳәоит уара.
Зны иауеит ақәаба-сабаа. Икыдхаҽа иалагоит ақәаура.
Зны ажәҩан еимыггоит, аеҵәақәа каҷҷоит, ицәырҵаауеит.
Аха ааигәахара иалагахьеит ааԥын. Уаргьы уи ааира уаз­
хәыцуеит. Иугәалашәоит, ашәҟәы сзыбыҩлома ҳәа уанлаз­
ҵаа, иузызҩлоит шылҳәаз. Еиҭа ухы иааҭашәахуеит Мур­
манск. Ухаҭа уҟаны ублала иубазшәа, уаԥхьа иаагылоит
уҩыза иуеиҳәақәоз. Ишәҟәқәа ирниҵалоз. Еилацәқәырԥаны
ахықә аҽагәыднажьлоит амшын. Ихышьшьыла асқьалахьы
иаауеит аԥсыӡкыга траулерқәа. Урҭ ирықәтәоу аԥсыӡкцәа
анааӡхыҵлак:
– Шықәсыбжак ҵит адгьыл сымбеижьҭеи, – иҳәоит аӡәы.
– Убри аҟараҵәҟьа ҵуеит ԥҳәыск лыбла сынҭамԥшижь­
ҭеи, – иҳәоит ивагылоу. Ицоит аҵх шкәакәа иалаланы. Ад­
гьыл рыҵагарҽаруашәа, ганха инҭаҳа-ааҭаҳауа идыргылоит
ршьапқәа.
Иугәалашәоит, ахара ицауа, хымз-ԥшьымз, шықәсыбжак
имхынҳәуа аԥсыӡкыга ӷбақәа рзыҳәан ауаа шеизырго атәы
зну алаҳәарақәа иахьабалак икыдуп ҳәа уҩыза иуеиҳәахьоу.
Шәҟыла аҵара уалагоит, аамҭала ианцауа аԥсыӡкра, иарбан
мшынқәоу изызцауа.
Иаақәухуеит ателефон. Уасырц уҭахгәышьоуп Агра лахь,
ҩбаҟа цифрагьы ургьежьуеит. Ашьшьыҳәа инықәуҵоит атруб­
ка. Иаақәыхны уасуеит адәыӷба аанҿасырҭахь. Еилукаауеит

Мурманскҟа ицо адәыӷба ааираны ианыҟоу. Урыҳәоит блеҭк
узныркыларц. Учамадан аашьҭухуеит. Ашәаҿ унеиуаны,
ачамадан наургылоит. Уаахынҳәны ателефон аашьҭухуеит. Агра
улзасны илоуҳәарц: «Быблақәа ччома, Агра? Еснагь иччалааит.
Бышԥаҟоу? Сара аӷьараҳәа сыҟоуп. Ибхабмыршҭын ашәҟәы
сзыбыҩларц ажәа шсыбҭаз». Абри ааидхәыцлан, ателефон
аақәухуеит: «Гәыда уоума? Дыҟаӡам, нан, Агра. Усурантәи
дмаацт…» – лҳәоит лан. Ателефон нықәҵан, учамадан аашь­
ҭухуеит. Усааҭ унахәаԥшуеит, адәыӷба уагымхарц. Асааҭ хәба
ҟалахьеит. Иаарласны ицоит адәыӷба. «Асааҭ хәба…» Аа,
абыржәы диасраны дыҟоуп Агра лымҩала. Даауеит усурантәи.
Учамадан наргыланы амардуан улбааҟьаны уҿыноухоит.
Уцоит, ухылԥа аҵыс ҭала, уԥырны уцоит иуҳәарц:
– Мшыбзиа!
Иуаҳарц:
– Бзиала!
1966

Хьӡы рҳара
Ари алакә ҟалеижьҭеи убасҟак ҵуеит, ҳара ҳқыҭан, Аԥса­
ра инхо абдуцәа зегьы иреиҳабу, ашьха шлақәа дрықәлоуп
ззырҳәо Кәатат ихаҭагьы аԥхыӡ еиԥшоуп ишигәалашәо.
Усҟан, Кәатат излеиҳәо ала, ашьхақәа рынхыҵ, аҟарачқәа
рҿы дцаны, аҽы уахьад хызцаз, хәаахәҭра иааны амшын
иӡыхгылоу аҭырқәа, ма абырзен иӷба дақәланы изырҳәыз
ахаҵа, дахьнымҩахыҵлак, сас бзиас дыԥхьаӡаны, аишәа
агәҭа дахадыртәон, иреиӷьыз аԥҳәызба иара дизырҳәон.
Урҭқәа акгьы рылагәышьамызт Маси, Едраси, Ҟаҭмаси. Дара
хәыҷаахыс еиҩызцәан, еигәылацәан, иахьцалакгьы еицын,
хьӡыс иршьозгьы аҽага аҟьареи рхатәы рахә ргәархреи ргәа­
раҵареи ракәын. «Рааҵра изыҵыҵуам. Акәҷарақәа аҟәарҭ
амҵәыжәҩаҿ рыҽшырҵәахуеиԥш, иаахәлар рыҳәса ркалҭ
иҵа­тәоуп», – ҳәа, аҵәы рылаҵо, ирхыччақәоз ыҟан. Дара
ах­ҩык уи агәхьаагьы ркымызт. Иашьцылахьазар акәхарын.

Рыҳәса ракәын ари зхы иақәҵаны иҟаз. Еиҳарак Мас иԥҳәыс.
Уи, ла­ра лтәала, хьӡи хьымӡӷи рзыҳәан адәы иқәыз аӡәы
лакәын.
– Уныҵыҵны, унашәа-аашәар, уанаџьалбеит, ахацәа иҟар­
ҵо умбаӡои, – ҳәа дыхҭалкуан.
– Ала-ҟьалоуп инашәа-аашәо, иӡагәӡагәуа уахынла ааҵ­
рақәа ирыҵоу, сара суаҩуп, сыҩны стәоуп, – иҳәон Мас.
Илуамызт лара:
– Аччиа иажәа узахымԥо, ибз духоит. Уҽҳәатәаз ахәышҭаа­
ра, лак аҟара пату уқәӡамкәа, – лҳәон. Ҽнак даалаган, Едраси
Ҟаҭмаси рыҳәсагьы азыҟалҵеит, ишаахәлалак хаала ирымур,
мчылаҵәҟьа аҩны идәылырцарц, «ахацәа» ирыланаргылартә
хьӡык дырҳаанӡа аҩныҟа иаармышьҭырц. Ларгьы лхаҵа, Мас
гәаҟ, амра анынҭашәа инаркны:
– Уара узыҳәан мацароума, иҳахшаз урызхәыц. Дшәаны,
ахәышҭаара изыҽҳәымҵуаз иԥа ҳәа изырҳәалап ҳаҷкәын.
Иумбаӡои, ҳаӡӷаб дҭыԥҳахеит, аха лҳәаразы аӡәгьы дшым­
ҩахымҵуа, уара ушәыргәындароуп зегьы зхароу, – ҳәа
ҭаха ааилымҭаӡеит. Аԥҳәыс усгьы аӡы цәыкәбар даҩызоуп.
Ацәыкәбар иааҟәымҵӡакәа ахаҳә ишақәҭәо иаакылнаҵәоит.
Игәахы ԥҵәеит Мас. «Сцаԥишь, ари аԥҳәыс лҽеиқәылкаанӡа,
Едрас иҟны саатәап», – иҳәан игәанала, акамбашьцәа иалхны
иҿыцӡа иӡахны имаз, ижәцәеимаақәа наишьеиҵан, илаба­шьа
аакыдх, Едрас инхарҭа шыҟаз иҿынеихеит. Аҵх бзиан ауха,
амза ҭҭәааӡа, ишеишеиуа иҩагылеит ашьхақәа иҩархыкны.
Мас дышнеиуаз, дыԥшызар, аҵх далхәхәа, ихы икәажь, иара
Мас иеиԥш, илабашьа наиҵарсуа дааиуеит Едрас.
– Хәылбзиа!
– Бзиа убааит.
– Уабацои, уахынла усҟак уҩны удәылҵлозу?
– Уара уахь. Ҳнатәап, ҳааицәажәап сгәахәын.
– Саргьы уара уахь снеиуан. Аҩны сыҩналыргылом аԥшә­
маԥҳәыс. Дԥаԥашькны, дҿаҳәатәха дыҩноуп. Маӡарах жьык
анаасҿоумҵа, улкажьны, хаҵак сиццоит лҳәеит, иуаҳауоу,
ха­ҵак, сара схаҵамшәа, – иҳәеит Едрас, хҭарԥа ҿыцк
ааихәазаа­рын, иҩыза игәеимҭар ҳәа дшәозшәа, уажәы-

уажәы аԥшьқәа днарыха-аарыхо. Иҟарҵара, иахьцара
рзымдыруа, аҩыџьегьы ԥыҭрак уаҟа амҩаду иангылан, нас
ус ҿааиҭит Мас:
– Уаала, ҳцап Ҟаҭмас иахь. Уи иԥҳәыс уаҩ ҟәыӷак лоуп.
Ԥыҭрак ҳаатәап уи иҟны, нас, ҳаҩнаҭақәа ирыҩнагьежьуа
афырҭын анеиқәтәалак, ҳхынҳәып.
Рҿынархеит Ҟаҭмас инхара шыҟаз. Мас ижәцәеимаа
ҿыц­қәа дреигәырӷьо, ҳәынҵәак дылаԥалар ҳәа дшәон, Ед­
расгьы ихҭарԥа, аххьа еиқәаҵәақәа цырцыруа, инеихихуан,
еиҭа инеихеиҵон. Рҩыза иашҭа инҭалан, иҩны абарҵа ины­
ҵалаанӡа:
– Уара, ахәышҭаара ҽҳәымҵ, сыла уҽоумырбан, ашәыр­
гәында! Уца, удәылцқьа! – ҳәа ԥҳәыс бжьыцәгьак раҳаит,
аҟәарч ҩны ашә ааимҟьан, Ҟаҭмас дындәылууааит.
Ҳахьаго ҳцалап уахашаанӡа, ашара адәы ианықәло,
ӷьычра ҳаҟазшәа, аӡаӡа ҳҽарганы ҳхынҳәып аҩныҟа
рҳәан, ақыҭа мҩа ианыршәыланы рҿынархеит аиҩызцәа.
Рлабашьақәа ахьыҵарықшоз ашьҭыбжь иахылҵуази, рҭаҭын
мцақәа аҵх иалҷҷаауа, рцашьа мацаралагьы иудыруан
урҭ ҽҭрак, жәҭрак иҭаланы акәым, ҭынха дызмам ҳаиуанк
рбаргьы аҩныҟа ишырзаамгоз. Уеизгьы ҩбаҟа қыҭа рлақәа
дыршит.
– Уара, акы шәасҳәашан, – иҳәан дааҭгылеит Ҟаҭмас,
– ҳхынҳәып аҩныҟа. Цәқәак ҳӷьычын, иҳаманы ҳшаауаз,
ашахақәа ԥыҵәҵәаны иҳацәцеит ҳәа раҳҳәап ҳаҳәса.
– Акгьы иҳахәом уи. Ҳаҳәса уажәшьҭа зыгәра рго
ирарҳәахьеит, ашьжьымҭан шәнеи, амаӡарах жьы шәҿаҳҵоит
ҳәа. Ҳамц ҳаҵырхыр, џьара ҳазцәырымҵуа, абз ҳадыршьуеит,
– иҳәеит Мас.
– Сара издыруеит иҟаҳҵаша. Ушьапы мгәаҟкәа ухы
бзиа азыӡбуам. Ассир схы иҭашәеит! – жәҩангәашәԥхьара
ибазшәа, дгәырӷьаҵәа ҿааиҭит Едрас. – Шәааи, ҳара ҳара
ҳаиҵаӷьычып.
– Уи шԥа иара?
– Шәӡырҩла. Сара сыжә Ҟаҭмас иӷьычып, Ҟаҭмас ижә Мас
иӷьычып, Мас ижә сара исӷьычып, – иҳәеит Едрас.

– Иашоуп, ҳаҳәсагьы алаҳабжьап. Ҳара ҳтәгьы уаҩы
иӷьычуам, уаҩ итәгьы ҳара иаҳӷьычуам рымҳәои, ирбап ужә
рӷьычыр изеиԥшроу, – дгәырӷьаҵәа днақәшаҳаҭхеит Ҟаҭмас.
– Иашоуп, иашоуп! – дгәырӷьаӡеит Мас. – Ҳтәгьы рӷьычуеит,
рытәгьы ҳӷьычуеит, шәи қашьи реиԥш ҳаилоуп ҳҳәалап.
Ирыӡбыз еигәырӷьаҵәа, аҩныҟа ихынҳәны рҿаархеит.
Ажә­ҩан агәахьы ихаланы ирзылбааԥшуан амза. Алашбжьқәа
налыҩ-аалыҩуан ақыҭа.Хьӡырҳара ицаз аиҩызцәа рҳабла
иналалан, рыҩнқәа ирзааигәахо ианалага:
– Иаҳаӡбыз бзиагәышьоуп, аха… – иҳәан, илахь еиқәы­
шьшьы дааҭгылеит Мас. – Шәааи, цқьа ҳаиҭазхәыцып. Ҟаҭмас
ижә сара изӷьычуеит, сара сыжә Едрас иӷьычуеит. Едрас ижә
Ҟаҭмас иӷьычуеит. Ус ами?
– Ааи. Аӡәы итәы ҽаӡәы игоит, уаҳа акгьы. Уара изу­гәамԥ­
хозеи?
– Ҟаҭмас ижә сара исӷьычуеит, – деиҭаналагахт Мас. –
Шәаангыл, шәаангыл, Ҟаҭмас ижә сара исӷьычуеит… Исы­
маны аҩныҟа сцоит. Сара сыжә аҩны иҭакуп. Ҟаҭмас ижә
лкажьны исшьуеит, зыгәра зго, амаӡарах жьы ҳәа ирҿасҵоит.
Сара сыжә Ҟаҭмас иӷьычны иманы дцоит. Нас сара жәыда
сықәымхои уара?
– Уаанҿас, уаанҿас. Жәыда ушԥақәхо? – Мас иеиԥшҵәҟьа
аҳасабра дналагеит Едрысгьы. – Аа… Аиеиҵәҟьа, жәыда
уқәхоит. Ҟаҭмас ижә уара иугоит, уара ужә сара изгоит, сара
сыжә Ҟаҭмас игоит, дасу иахьнаҳго илкажьны иаҳшьуеит. Ак­
гьы сызнымхаӡозаап, уара, саргьы.
– Иашоуп, иаҳзынхозеи? Заб дизгәааны зан дзыпҟаз
ҳәа, ҳаҳәса ҳрызгәааны, ҳажәзаҵәқәа лкажьны иаҳшьыр,
ҳныҟәызгозеи? Амла ҳнеикәанҵәа ҳцоит, – иҳәеит Ҟаҭмас.
Иара иаҳа дхаҵа ӷәӷәаны ихы иԥхьаӡон. Илабашьа аӷьеҩҳәа
иларсны, иҽырхаҵа, ус инациҵеит иажәа: – Иҳахьрызеи, уара,
ҳӷьычып ҳаргьы, аӷьычцәа, арҳәцәа реиԥшҵәҟьа. Ашацаҳәа
ҳалкылсны, жәборак ашә аартны ҳанҭалап, жәык-жәык, цәыкцәык ааҭыганы иаҳгап.
– Збоура ҳҭаларыда?
– Уиоуп иуҳәаша.

– Аргәын Дыгә ибоура ҳҭалап.
– Ухагоума! Амшә цнапыкла ихәырны изшьуа, ани ҳнаим­
ԥыхьашәар ҳдаракәац ыҟаӡамкәа ҳақәихуеит.
– Амҷы Мысҭаабеи ижәгәара ҳарҳәып.
– Аҵкыс еицәоу. Гәҩарас ҳааикыр, уаҳа иҭахӡам, ҳахәда­­қәа
ԥыҵәҵәаны ҳкаиԥсоит.
– Манча Қьачба ҳиҵаӷьычып.
– Изакәызеи, уара, иуҳәо! Уахьӷьычлакгьы ауама. Хара
уцаны иааугароуп ахьӡ анамоу. Манча ҳҳабла даланхоит.
– Алахь ианума, Манча ицәаҳӷьычу, Нхыҵынтә иааҳгоу.
– Иашоуп. Егьа ҽи жәи баша ақәыџьмақәа ицәырфахьеит
Манча. Ҳара қаблак ицәаҳӷьычит ҳәа ихьуазеи?
Аӡынра аниас, рҭакра иаҟәыҵхьан, иаҳа зыԥсы злаз арахә.
Хьӡырҳара ицоз аиҩызцәа, Манча иџьаргәал аанда инхы­
ҵын, арахә ргәы каршә, ижаҳәо иахьтәаз абаҳча иҵаланы
рҿы­нархеит. Ихҭарԥа длаханы инаихаиршьшьит Едрас, ижә­
цәеимаа ҿыцқәа ршьацҳәақәа ааирӷәӷәеит Масгьы, аштә
еиқәа ҿыцк изылӡахызаарын иԥҳәыс, ахы ҭбааӡа, дынҭаԥало,
раԥхьаҟа дгыланы днеиуан Ҟаҭмас. Арахә ишрылаԥшуаз,
гамлак налыркааит. Алахь ҷашьаӡа, ацәа ахыбзаауа, ҳаи­
уан ааӡак акәын иара. Аҭаацәа аҵх акыр инаскьаганы
ишышьҭалаз мҩашьо, аганҩны маҵурҭа ахыб иалшәшәо,
еиқәа­ҵәаӡа макьанагьы иҩеиуан алҩаҵә. Уи иаҳагьы еиӷьын,
ирыцәаԥсымҭан.
– Арахә ртәы сара саҟара аӡәгьы ишәыздыруам, –
иҳәеит иҽырҟасаны Мас. – Уара, Едрас, ашьапы ҭарсны икы
имҵыгьырц, сара аҟыԥҳәа аҵыхәа самҵасуеит, уара, Ҟаҭ­мас,
атәыҩа ашаха ахаҵа.
– Иабаҟоу, ашаха ҳамаӡамеи?
– Ишԥаҟаҳҵо?
– Акрыздыруоу.
– Егьоурым, – иҳәеит ақабла ашаха ахаҵара здыз Ҟаҭмас.
– Сара сеиқәа абырфын хәымџьар аҵдоуп, убри ахасҵоит.
Ихамыждараз, Ҟаҭмас иеиқәа ахәымџьар хәхәаӡа иаа­
ҵихын, ижәҩа инхишьит. Ақабла ркырц ашьшьыҳәа ахаҩара
ишаҿыз, хаҳә ҟьаԥск ахы иқәҵаны, иҩылгәыгәны иҟаз нышәк

дҩахҟьашан, ахәаԥ аашьҭиргеит Мас. Деихеигәо дҩагылан,
изакәызеи абри сзыхҟьашаз ҳәа днахәаԥшызар – аҳаԥшьа,
Манча абаҳчаҿ иҵаҵаны имаз аныҳәа ҳаԥшьа.
– Ара шәааи, ара, ассир збеит, шәанаџьалбеит, – иҳәеит
дгәырӷьаҵәа. Ҳәыҳә ԥшқак ибазшәа, инапы нахиҩеит.
– Алԥха анцәа иҳаиҭааит, ныха ҳаԥшьоуп, џьара уамак
ҳауркуеит, уаԥырҵ наҟ, – иҳәеит Едрас.
– Аҩы ҭаӡамзаргьы шәыздыруам, – иҳәеит Ҟаҭмас.
– Иашоуп, ихтны ҳҭаԥшып.
– Улԥха-угәыԥха ҳамазааит!
– Агәаҵәа удыркызшәа, иабатәи ныҳәароу, аԥшәма уибар,
иузхиҭәалап. Уалга, ихты, ҳанҭаԥшып, нас ақабла ҳкыроуп, –
иҳәеит Ҟаҭмас.
Мас илахь иџьымшь ӡатәуа, анышәқәа днарыха-аарыхан,
аҳаԥшьа ахҩа аахихит. Амза ахьҭаԥхоз, рхы-рҿқәа анырбаа­
ло, еиқәаҵәа цырцыруа иаарҿаԥхеит аҩы.
– Анцәа ду, ухьышьаргәыҵа сакәыхшоуп, ҳалалс исыҭ, –
иҳәан инапқәа ргәаҩаны инҭаиршьшьын, азна ааҭганы дна­
хәеит Мас. – Изакә ҩузеи, шәанаџьалбеит, Аҷандара уцаргьы
иуоуам ари аҩыза аҩы!
– Унаскьеишь, саргьы снахәап, – иҳәеит Едрас.
– Шәара шәаҵкыс сеицәома сара, – иҳәеит Ҟаҭмас.
Рнапқәа ргәаҩаны инҭшьуа, ажәра иаҿын. Иааскьан, алым­
ҳацәқәа кьакьаӡа ирыхәаԥшуан, иҵдырҟьаз ақабла. Абаҳча
ахәхәаҳәа иҵасуан аԥша.
– Ҳӷьычуеит уаха. Анцәа ҳаҭоумҵан агәнаҳа иҟаҳҵо ҳәа
ижәтәуп. Унаскьеишь, снапы нҭысшьып.
– Уи азыҳәан ииашаҵәҟьаны ижәтәуп.
– Аҳаԥшьа ыҵазҵаз аԥшәмацәа алԥха-агәыԥха роуааит.
Убри азыҳәангьы ижәтәуп.
– Иашоуп, ижәтәуп.
– Напсыргәыҵала сызхара сзыжәгәышьом сара.
– Уаҳа излаажәуазеи?! Сыхҭарԥа сеигӡом, аха иалсуеит,
кәмызцәа хылԥазар иалаҳамжәуаз, – иҳәеит Едрас, ихҭарԥа
ҿыц ихыхны ирымҵакуа.
– Абар излаажәуа, – иҳәеит иижәыз зылсра иалагахьаз
Мас. – Ахмаҷыр иеҩсуеит. – Ижәцәеимаақәа руак ааишьихит.

Аҳаԥшьа инҭаиршьшьын, азна аҩы ааҭигеит. – Усҭ, ижә, –
Ҟаҭмас инаизирххеит.
– Уара ижәла уи ала. Ужәцәеимаа сҿакны, сара слоу
џьушьома, – дегьаагәааит Ҟаҭмас.
– Иабаԥырхагоу, ҩык нҭуршар, иаацқьахоит. Егьигьы ушьх,
сара иалазжәуеит, – иҳәеит Мас иҵкысгьы аҩы зылсхьаз
Едрас. – Агәнаҳа анцәа иҳақәумҵан, абри, уаха иаҳшьраны
иҟоу ақабла. Убри ныҳәаны изжәуеит сара.
– Исыхьлак сыхьааит, иаажәг, саргьы исышәҭ. Афҩы ус­гьы
шәара ижәжәхьеит, – иҳәеит Ҟаҭмасгьы.
Ажәцәеимаа азна ҟас-ҟасо инеидыркит.
– Ԥаҭхьк аҟара акуеит, изаҟароузеи, уара, ушьапы! – иҳәеит
инҭыркәкәаны ианижә.
Амза ажәҩан агәы ихыҵны инаскьан, игьагьаӡа иры­
хәаԥшуан. Ақабла агәы каршәны, аҳаԥшьа иахеибагәа аҩыжә­
ра иаҿыз рааигәара итәаны ахәырд-хәырдҳәа ижаҳәон.
– Сара соума хаҵас илымшьоз сыԥҳәыс! – ибз еилаԥаҭо
даамақарит Мас.
– Узӷьычуам, узқәылом ҳәа сыхҭакны сбыман, сара иб­
сырбап аӷьычшьа, ақәылашьа зеиԥшроу, – аӷьра дналагеит
Едрасгьы, иԥҳәыс убраҟа, иаԥхьа дгыланы илеиҳәозшәа.
– Ахьӡ арҳашьа зеиԥшроу сара илсырбап! – урҭ ина­
рыцирӷызит Ҟаҭмасгьы.
– Аԥшәма даҳныҳәап, аԥшәма. Уаҩԥсы бзиак иоуп иара.
– Ич-ч-чеиџьыка ҳныҳәап.
Даҽа жәцәеимаак жәцәеимаак рызна ныҭдыркәкәеит.
Даҽа ԥыҭк иаанаскьеит амза. Арбаӷькгьы аҵла иахьықәтәаз,
«аки-ки» арган иааҿнаҭит. Ашарахь инықәлон аҵх.
Реиҳа излысхьаз руаӡәк иаацәыригеит:
– Ахацәа-рхацәа… Уари-да-да…
– Уараи-дари-и-и-и…
– Аҳа-ҳаи-ра мыхәацә-хәаҵә-цә-цә-гьа-гьа…
Инаицдырӷызит егьырҭгьы.
Мас иеиқәа ахәымџьар, ижәҩа иахьахшьыз инахьыҩрын,
инкашәеит, ихҭарԥа аԥахә ҳәа инышьҭаиқшан, «имҵәыжәҩа­
қәа» рхаханы даагылеит Едрас. Рыхҩык рнапқәа неибадыр­
кын, аибаркыра шьараҭын иалагылоушәа, аҳаԥшьа ахаҵкы

камыршәуа, иахыкәшо акәашара иалагеит. Рыбжьы иаҳа-иаҳа
ихало, аккаҳәа ашҭа ианнықәыҩ, аԥшәма илақәа арҿыхеит.
Еивасны ишуа, ақәаҵарахь рҿаархеит урҭ. Аԥшәма, Манчагьы
ишәақь кынԥаа, абарҵа дааҵаххын аҵықьҳәа дхысит. Хьӡы
рҳара ицаз аиҩызцәа, аххы инцәыҵаххуа, еибакы-еибашьҭуа
аџьаргәал аанда ианынхыҵуаз, Ҟаҭмас иеиқәа ашьапы ацқәа
наланарԥеит аԥшәма ила. Ахәымџьар усгьы иаҵиххьан, ала­
ԥан ацәа анахҵәраауеиԥш, иеиқәа ааишьнахит.
Ишәақь даҽа патронак нҭеиҵан, иҟалаз ибарц, абаҳча
ды­ҵаланы дшааиуаз, аҳаԥшьа днахагылеит Манча. Уи ава­
раҿ икаԥсоуп жәцәеимаақәак, хҭарԥакгьы қьақьаӡа уаҟа
ирывоуп. Иибаз шџьеишьоз, илеиқәаҵәа еиқәак рҳәазо иа­
маны иааидгылеит. Ахҭарԥеи аиқәеи данрыхәаԥшҵәҟьа из­
тәыз идырит Манча. Ажәцәеимаақәа зтәызгьы иеилкаара
уадаҩмызт. Иахьцалак урҭ ахҩык еицын.
– Ахарџь исырҭаз аҵкысгьы схашәалазар ҟалап, – иҳәан,
иара убра дышгылаз, ажәцәеимаақәеи аиқәеи наишьеиҵан,
ахҭарԥа неихеиҵазаап Манча, нас усгьы нациҵазаап: – Рыхьӡ
бзиашәа исыргап сара урҭ!
1969

АԤхыӡ
Уажәшьҭа, иҟалашаз ҟаланы ианалга, аамҭа абасҟак
аныбжьыс, цқьа исгәалашәом уи абырги сареи раԥхьа ҳа­
неиқәшәаз иарбан аамҭаз. Ақәабаа-сабаа леиуа, аурҭ асуа,
иӡынра гәыԥҵәагамызт, мамзаргьы абжьымра ухы аршаҟәо,
аԥхынра иашықьымҭамызт. Урҭқәа бзианы изласгәалашәо уи
ауп, ашә днас-насны, ишьи-ишьи еиқәҵо, ашьшьыҳәа ашә­хымс
данаахыҵ, сылаԥш нақәшәеит, алабҷышь еиԥш инаиҵарсуа
иикыз аҳаргь. Ахы ырхәан абӷаб атәыҩа еиԥш. Аԥса зхоу
алабашьа иаҩызаха иҵарын аԥынҵа.
Дахьааҩналаз ҽеилыхырҭаны, ииҭаху ауаҩ икабинет
анаҩс иҟоуп игәахәзар акәхарын, акәакь ахь даанаскьан,

изиацк еиқәаҵәа цырцырқәа ирхагылаз акалошқәа ааишьи­
хит. Сабду ԥсаҭа шкәакәа џьара данцоз изиацкқәа акалош­_қәа
зырхаиргылоз уажәоуп ианеилыскаа: иааишьихуеит, ишьа­
пы цқьаӡа дныҩналоит. Абырг сшынаихәаԥшҵәҟьаз изды­
рит, акабинет иҩнатәаз, сеиҳабы иахь акәымкәа, сара сахь
дшааиуаз. Убри аҟнытә акалошқәа анааишьих, «ари иахьа
дцарц игәы иҭаӡам, сынҵәеит!» – аасгәахәт. Ашә ааиртаан­ӡа,
ҵаны, цқьа дахәаԥшызҭгьы, икалошқәа рышьхра шаҭахымыз
еиликаауан. Ишԥаҟалои, иаазымԥыхьашәалак икыдырҟьо,
зегьы иртәу, аӡәгьы иитәым ашә? Аҳәынҵәа агәыдтатала,
ицәыжәжәа-цәыԥԥын, ацыгәқәа адхозшәа.
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 15
  • Büleklär
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3422
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2327
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3424
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2318
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3457
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2376
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3416
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2475
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3405
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2371
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3473
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2315
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3441
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2424
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3410
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2312
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3368
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2375
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3363
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2265
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3437
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2316
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3332
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2278
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3379
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2340
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3316
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2294
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3375
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2336
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3413
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2363
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3378
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2131
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3368
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2346
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 19
    Süzlärneñ gomumi sanı 3361
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2294
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 20
    Süzlärneñ gomumi sanı 3385
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2378
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 21
    Süzlärneñ gomumi sanı 3046
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2153
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 22
    Süzlärneñ gomumi sanı 3962
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2010
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 23
    Süzlärneñ gomumi sanı 4058
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1963
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 24
    Süzlärneñ gomumi sanı 4032
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2070
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 25
    Süzlärneñ gomumi sanı 4407
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2082
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 26
    Süzlärneñ gomumi sanı 4378
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2223
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 27
    Süzlärneñ gomumi sanı 4049
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2320
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 28
    Süzlärneñ gomumi sanı 3350
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2336
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 29
    Süzlärneñ gomumi sanı 3323
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2312
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 30
    Süzlärneñ gomumi sanı 3372
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2315
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 31
    Süzlärneñ gomumi sanı 3345
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2263
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 32
    Süzlärneñ gomumi sanı 2958
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1986