Latin

Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 13

Süzlärneñ gomumi sanı 3379
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2340
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
ҩы зхылҵуаз ачамадан акәын. Абыркьыл иҽыныхирҳәҳәан,
аԥенџьыр авҵхара далагеит иааиртырц. «Исҳәо башоуп, арҭ
ауаа еибгам. Ас убахьоума, ишԥарку аԥенџьыр». Ишьамхқәа
дрызнымкыло, уахь анеира шицәымӷызгьы, аанда дынхыҵын,
анышәынҭрақәа рахь иҿынеихеит Адамыр. Мҩабжарагьы
дымнеицкәа, дынкахәыцуа, дааҭгылан, ишьҭахьҟа даахын­­­
ҳәит. Илабжышқәа ҩхаҟәҟәалеит. Иԥхаишьон, иблақәа рыц­­
қьо, дегьынаԥшы-ааԥшит. Ашҭахь деиҭаахынҳәит. Даныхәы­
ҷыз, имацара аҩны дааныжьны, ачаи ҿырхырц, мамзаргьы
аколнхара амхырҭақәа рахь ианцалак иани иаби, агәашә
дадгыланы дышҵәуалоз еиԥш, абыржәгьы ибжьы ҩҭыганы,
игәыԥсыршьагаха…
Ачамадан иахыбааны ишуан алеиқәаҵәа. «Сыҩналароуп
акәасқьа, аха ҩналашьас иҟасҵарызеи?» Ацалаҟьа иадгылаз
амардуан ааиган, аԥенџьыр инадиргылеит. Давҵхо, ииулак,
аарла иааиртит. Аҩны аҩныҵҟа даныҩнала, ачамадан са­
ра исзынижьит аҳәан, аҽаарҭынчит ала. Ашә ааигәара, аҭ_
ӡамц инапы кыдшьыло, аркыга ааиԥшаан, афымца лашара

наиркит. Днаԥшы-ааԥшуа, ауада ҭбаа-ҭыцә дыҩнагылан.
Еиқәҷаб еилырган иани иаби зыниалоз акаруаҭқәа. Гәҩарак
изнарҵысыртә иҟан урҭ реилыргашьа. Асасцәа дахьқәа ирзы­
ԥшызшәа, адиала ҿыцқәа рықәыршәын, рыхч қәыршәқәа
ракәзар, иҟәашә-ҟәашәӡа, ҿыц иӡәӡәан, иуанҭан.
Акаруаҭқәа рханыҵәҟьа аҭӡамц иадкнаҳалан Адамыр иа­
ҳә­шьеи иареи рпатреҭ. Астол гьежь хәыҷы иадгылаз аҟәардә
даахан, дхьанҭаӡа днатәеит. Абри аҵх ашьҭахь даҽа мшқәак,
ҵхқәак ныбжьысит.
Адамыр иԥсшьара мшқәа нҵәеит. Иусура ашҟа дхынҳәит.
Мҽышан. Аус ицызуа иҩызаки иареи иҩны, ахәыҟаҵарҭа
уада хәыҷаҿы итәан. Ԥаҭлыкак ауаткагьы раԥхьа иқәгылан.
Иԥҳәыси ихәыҷқәеи егьи ауадаҿы ателевизор иахәаԥш­
уан. Иҩыза уи аӡбахә ала дшимазҵааӡазгьы, гәҭахәыцрала
иаацәыригеит:
– Уи аҩыза уара иԥумшәаӡац. Ушыҟало аҳәара уадаҩуп.
Аҵхыбжьон, уӷьычҩушәа, аԥенџьыр укылсны, еиқәылашьца,
еиӷрыкка иҭацәу аҩны уҩналахьоу?! Аҩны, аха иарбан ҩну?
Уара уахьиз, уахьааӡаз, иреиӷьу угәырӷьара мшқәа ахьуху­газ…
Амардуан кыдыргыланы, аԥенџьыр скылсны…
– Аԥенџьыр ҳаракны иҿазар, ҳәарада, аҩналара цәгьоуп…
– Уара, ахҭԥшаа, аԥенџьыр аҳаракыроума аус злоу….
Сшьамхқәа ҟәарҟәаруан, сгәы аҭҳараҳәа еисуа, иҭыҵны ицон.
– Иаажәып даҽа аҵәыцақәак, нас иаҳа угәы ӷәӷәахоит.
– Уаангыл, ауха исхызгаз уасҳәароуп,– аҵәыцақәак иижәыз
иқьаф шҭанаҵаз ҩашьомызт Адамыр. Агәхьаагара дамҽ­
ханакын, изеиҳәоз дӡырҩуазу, зынӡаск имаҳаӡозу агәхьаагьы
мкыкәа, иажәа инациҵеит: – Исызгәакьаӡоу џьоукы, анышә
инамаданы, иқьаԥҭахаз анхара ашҟа схынҳәызшәа, схы кны,
акраамҭа астол садтәалан сани саби руадаҿы. Ахаҳә иаҩы­
за­ха, ихьанҭаӡа исықәыӷәӷәон аҭынчра.
– Ииашаҵәҟьаны, саргьы исцәымӷуп сымацара ауадаҿы
аанхара…
– Уара, ауада аамышьҭахь, уаҳа иубахьоузеи! Ауада акәым,
аҩны, хԥа-ԥшьба ҿы змоу акәасқьа дуӡӡа… Санду, сабду, сан,
саб, саҳәшьа, сара. Ҳҩызцәа, ҳауацәа аннеилак, ашьҭаларҭа

ҳмоуа, уахгьы-ҽынгьы ауаа рыбжьы здәылҩуаз ҳаҩны…
Саҳәшьеи сареи ҳаныҩеидас, исгәалашәоит, даҽа уадақәак
аҿаԥаҳшьроуп иҳәалон саб. Сара аҵарахьы санца, саналга,
усура абрахь санаарышьҭ, саҳәшьагьы хаҵа данца, амцхә
идуцәахеит ҳаҩны. Шаҟа сгәалашәазеи, схала, сгиуа, ауха
сахьыҩназ. Схы-сгәы иҭагьежьуан, иааҟәымҵӡакәа слым­
ҳа иҭаҩуаз азҵаара: «Изхарада?.. Изхарада?..» Уара угәы
ишԥаанаго. Изхарада? Сара исыздырӡом уи зхароу. Ама­
ла арбаӷь ашамҭаз анҿнаҭы, уи ҩынтәын. Иугәаламшәои
ишиҳәаз? Арбаӷь ҩынтә ҿнаҭаанӡа, хынтә мап сцәукуеит,
иҳәеит. Сара мап ацәыскит Аԥсара, аха саргьы сылабжышқәа
хаҟәҟәало, ашара саԥылеит. Уи акәасқьаҿы, сара исзалхыз
ауада хәыҷаҿы, сахьыныҩналаз, садтәаланы сурокқәа ахьы­
ҟасҵоз сыстол, ишгылац иара убас… Сан икналҳазар акәхарын,
спатреҭқәа рыла аҭӡамцқәа зегьы… Ашкол санҭазтәи спатреҭ,
ашкол саналгаз, ар рымаҭәа ахьсшәу, ԥҳәыс данаазгаз, нас
схәыҷқәа… Иџьасшьаз уасҳәап… Патреҭ заҵәыкгьы ыҟамызт
сани саби срыдгыланы. Ахаан ҳпатреҭ еицҭаҳамхыц. Ауха,
санышьҭалагьы, цәамҩахә усгьы сыбла ихыломызт, аха
сыблақәа аахызҩар, лыблақәа лхаччо, лхахәы ҟәашӡа, сыб­
ла даахгылон нанду. Уи сара бзиа сшылбоз… Сҩагыланы
саалеиҩеиуан, еиҭа снықәион. Саб ихарастәуан. Ааи, ааи,
иџьоумшьаӡан, саб ихаҭа ихарастәуан. Аррахьтә саныхынҳә,
дақәшаҳаҭымхазҭгьы, сҭалаӡомызт уи аинститут. Уӡырҩы,
ассир уасҳәоит. Игәаҟрацәгьаз уи аҵх схыганы, адырҩаҽны
агәашә сахьынҭыҵыз, ҳгәылак даасԥылеит. Ҳшеицәажәоз,
узҿузеи, сызҿузеи… Сааҽхәашәа иасҳәеит, сара иҟасҵахьоу
амҩақәа шьапыла урнысырц уалагар ԥсҭазаарак узхом ҳәа.
«Иҟашәҵала, дад, иҟашәҵала… Ари, Аԥсараҟа, узлаазеи
иаха?» Днасазҵааит. Уӡырҩы… Уҭахызаргьы умӡырҩын. Иуа­
ҳа­хьоу­-ма уара амзеи ауаҩи еицәажәеит ҳәа?
– Урҭ уфилософиақәа ракәым, сара еилыскаарц исҭаху
даҽакуп, – Адамыр игәҭыхақәа уажәы иаҳа ихы-игәахьы
иааганы, ҿааиҭит иҩыза. – Иабаҟаз ауха уани уаби?
– Саб дычмазаҩхазаарын. Аҟәа дганы дышьҭарҵеит. Сан
дидтәалан. Ианша, ҳгәыла исалҳәеит. Сышзахәоз ахәышә­

тәырҭахь сцеит. Жәохәымшҟа рышьҭахь дгылеит, аҩныҟа
дхынҳәит саб. Уи акәым, сара сзызхәыцуа даҽакуп. Схала
ҳаҩны иансыршаз аухагьы, шаҟантә сазхәыцзеи. Ауаҩы
ахаангьы издыруам иуаҩра еиқәзырхо иарбану, уара
иудыруама? – ауатка илсра иаҿын Адамыр.
– Сегьазымхәыцыц.
– Саргьы сазымхәыцӡацызт убри ауханӡа… Аҵла аҩара
изалагозеи? Иԥсҭаҵагаз дацк аҵҩааитоуп, – аухатәи игә­
жәажәара еиҭах изҿыхан, ибжьы зны икаҳауан, ҽазны
агәаара аҵалон Адамыр. – Исыздыруам уара ушыҟоу, аха са­
ра… – иажәа ааиԥҟьан, игәгьы дынҭасит иҭаҷкәым раҵәаны,
– ауха сара еилыскааз рацәоуп. «Мрас иумоу иарбану уара,
ауаҩы?» Уи алакә саб ихаҭа иӡбеит. Иуаҳауама? Ҳахьынхо,
ҳамхырҭа аҵыхәан инаркны, ашьхақәа рыҽҩышьҭырхуеит.
Ианаацәылаша, аԥенџьыр ҟьаҟьаӡа иаасыртит. Убасҟан ада,
сымацара ахаан ашара саԥымлацызт саб иҩны. Сыҩнагылоуп
азежәтәи ашәышықәсазы сабду иргылаз ахьатә кәасқьа.
Аԥенџьыр ҭбаа-ҭыцәқәа руак абаҳчахь ихоуп. Инахараны,
ҳбаҳча аҵыхәан иҟоуп анышәынҭрақәа. Убраҟа анышә
иамадоу, сызхаанугьы сызхаанӡамызгьы рыгәхьаагара гәык­
раха исысит. Абаҳча сыҵаԥшуеит. Ҳӡынҵәақәа рыбӷьқәа
каԥсахьеит, арахь, ирҿаханы, макьанагьы аҵәа цырақәа
рҿоуп. Ал-ҵлақәа рымахәқәа ирхьынҳалоуп, зыҭаара иахы­ԥаз,
еидкыҷылаз аҳардан жьы ажьымжәақәа. Иџьоушьаша… Уара
игәоуҭахьоу уи?.. Ашара адәы ианықәлалак, аӡиас ашьҭыбжь
иаҳа ихәыҷхоит. Иааԥымҵәаӡо, абжьы хьаа рҵысыгаха,
ашьҭыбжь ааҩуан ҳӡиас Аӡӷара… Шьала, лаӷырӡыла сабацәа,
урҭ рабацәа еиқәырхо иааргоз ҳхәышҭаара... Сзызхәыцуаз,
сгәы иқәыҩуаз уҳәа зегьы анеицыла, иӡыхь цқьаха сыламыс
иаӷрысит. Мап, уара иԥумшәаӡац аҭаацәа ду ирышьцылахьоу
аҩнаҿы умацара аԥхьара закәу. Арахь, цас исызнауазшәа,
хырԥашьа змам сгәаларшәо, иааҟәымҵӡакәа, ҿнаҭуан аты.
Сахьнеилак, уадацыԥхьаӡа, скылкааны исыхәаԥшуан апат­
реҭқәа. Ҳаҩны аҭӡамцқәа ирылаӷьеит, абасҟак шықәса уи
идәылыҩуаз агәырӷьа-ччабжь, гәыҭшьаагаха ирҳәахьаз амыт­
кәма. Сышьҭалон, схы ахыза ақәсыҳәҳәон, сцәырҳазшәа,

сҩаҵ­ҟьон. Алашара асыркыргьы исырцәаргьы, шьҭыхшьа
амоуа, ихьанҭан аҩны иҩнаҳаз аҭынчра. Ашьжьымҭан, уи
уасҳәахьеит… – даланахаланы даҿын Адамыр.
Мшқәак, ҵхқәак аабжьысны, иусурахь, иҭаацәа рахь
даныхынҳә, иҩыза зыӡбахә иеиҳәаз аҵх ауха, зынӡаск
даҽакын измырцәоз зымала анхара иахыз ала. Адамыр
ичамадан аҩны аҩныҵҟа иҩнаимгалаӡеит. Ихлахаҵ ргье­
жьыган убри иалшәшәоз афҩы. Ишшара ианааша, еиҭах
аԥенџьыр дыҩкылсын, амардуан дналбааит Адамыр. Аҳас­
кьын ықәҩаахьан ашҭа. Агәашә ахьтә ҿыҭбжьык геит. Ацәа­
жәараҵәҟьа илымшо дааԥсан Адамыр. Аҿыҭбжьы деи­
гәыр­ӷьан, аҭак ныҟаиҵеит. Агәашә дадгылан, иаалыгны,
шьал касыла лхы ҭаҳәҳәаны, лшьамхқәа инархысуа, аҵкы
хәашлаԥса зшәыз ԥҳәыск. Ианҿылҭуаз, азныказ, лыбжьы
алахҿыхра, агәырӷьа­ра аҵан, нас Адамыр данылба, лыбжьы
ҭааӡа, лгәырӷьара нкабеит.
Адамыр ҿымҭ, аԥҳәыс дылԥыларц, агәашә ахь иҿынеи­
хеит. Цқьа дааигәаны дналыхәаԥшызар, ргәыла ԥҳәыс,
ахшара рацәа ран, аԥҳәыс еилҟьа, цәгьак-бзиак иаглырхом
ззырҳәоз аԥҳәыс бырг, Шьыдгәа лакәын. Дихҩашьаланы
иаб ихьӡ ахьылҳәаз Адамыр иаҳагьы деигәырӷьеит. Цәаҳазу,
фырмахьцызу, изакәыз изымдырит лызқәа иқәкыз. Цқьа
днахәаԥшызар, алаба иадҿаҳәалоуп адыӷаҷа амахәҭақәа
рыссаны ихыҵәҵәаны. Адамыр егьараан иҟаиҵахьан иани
иаҳәшьеи рзыҳәан уи аҩыза аҩымсагқәа.
– Ашьжьымҭан иаабжьсырҟьап сҳәан… Ариабжьарак сгәы
иҵхон… Унан, бхы бсеит, Адамыр уоума исзымдырыз! Иаха
умаакәа уҟам, алашыбжь саҳауан, – аԥсшәа неибырҳәеит.
Инарыбжьаԥалан, илеигәырӷьаҵәа, лшьапқәа ирыдгье­
жьы­лон ала. Аӡеибафара далҵызшәа, дхәахәа-чахәаны, ихы
дамыхәо дыҟан Адамыр. Агәыла ԥҳәыс дышлеигәырӷьаз
налирдырит, аха илеиҳәашаз ҳәа акгьы иҿамшәеит. Иабаҟоу,
иабацеи ҳәа иани иаби рзыҳәан длазҵаар иҭахын, аха иԥ­
хеишьан, иҽааникылеит.
– Маҳ, изакә ла ԥагьоу уздыруам! – ала днаҵаҟьеит
Шьыдгәа. – Абра иааганы акраҿоумҵакәа, уахь инеины

акрыфара ахы иаҭәанашьом. Шәышԥаҟақәоу, шәызлаазеи
иаха? Амашьына усгьы Аԥсара изааиӡом, ацҳа ҭабган… –
Адамыр еиликааит «шәара» ҳәа зылҳәаз. Иҭаацәагьы иманы
дааз џьылшьеит.
– Схала соуп иҟоу. Сҭаацәа уажәааны, ашкол, аусура… –
аарак зду иеиԥш, хырқьиарала даацәажәеит Адамыр. Иауа­
мызт, аӡеибафара иаҩызаз аҵх ашьҭахь, ишьара дзықәло­­мызт, иажәақәа еилаԥаҭон.
– Ус акәхап, нан. Уан илҟазшьоу удыруеит, данқәыԥшыз
аҵкысгьы деицәахеит данажә. Лашҭа ҳәирак ықәиааны,
бӷьыжә ықәыршәны илзычҳаӡом. Сара сҭыԥан, лара лакәзар,
напы аглыжьуамызт сашҭа. Иааурызеи, иҳалшозеи! Абзара
зшаз аԥсрагьы ишеит. Уаб Дигәа, макьана анцәа иҟәырхуп,
аха зеиԥш ҟамло егьыҟам, цәгьарак ҟалар, аҭынха-аҭынҵы
ашҭа иааҭалар, ҳаи, абааԥс, агәылацәагьы абаҟаз, рашҭа
агәам ахыҵәаны рҳәоит, шьыжьнаҵы ҩымсагк нышьҭыс­
шьырц сҿаасхеит… – Аԥацхьқәа хаххала, лхы иахыҳәҳәо,
лҩымсаг лаԥхьа иналырсит Шьыдгәа. – Усҭ, аа, ахала сџьыба
иҭалоит, – лџьыба ҭбааҭыцә мгьалсак ааҭылган ала ақьышә
инықәылкит. Адамыр амгьал днеилаҳаит. – Уажәшьҭа, уара
уаазар, сара сҩымсаг схарззала, ҽазны саап, исыԥссап.
Сабаццакуеи. Аҩныҟа уаала, нан, цқьа ҳааибабақәап. Ара иҟаз
ари сҩымсаг, – лҳәан, аанда иналалырсит. Адамыр уаҩҵас
ҩ-ажәак еидкыланы аҳәашьа дшақәымшәаз шидыруазгьы,
иауамызт, ихәахәа-чахәара дзалҵуамызт. Дегьсасымкәа
дегьаԥшәымамкәа, ихы мыцхәшьо дгылан. Арахә-ашәахә,
аҩны-гәара зегьы ирхылаԥшышьа уажәшьҭа дыҟоуп ҳәа
лгәы анлырҭынч, даахынҳәын шьаҿақәак ныҟалҵахьаны, ил­
хашҭыз акы лгәаларшәо, дааҭгылеит Шьыдгәа. – Ашә аартуп
аца. Агәыблаа ацалаҟьа иқәуп, нан. Џьықәреи лапҟьақәак
ҿырпны акәытқәа ирылаԥса. Арахә рҭыжьра уахымыццакын.
Ҳара ҳтәқәа ирылацаланы агәаҩарахь икеицоит аҭаҳмада.
– Дааԥышәырччан, илгәалашәаз џьашьо, инацылҵеит. – Да­
ҩысҭаауп абри, аҩны иҟоу аҭаҳмада. Иаха, алашыбжь анга,
хымԥада Адамыр дааит, иҳәеит. Адамыр даԥшәымоуп, ала
шԥаиеишуаз, уара, сҳәан, даԥшәымоу дсасу акыр адыруама,

бара, абзамыҟә, иҳәеит. Иаб дшычмазаҩу, Аҟәа дшышьҭоу,
иан уаҟа дышидтәалоу аниаҳа, даангылозма, иҳәеит. Имдыри,
уара! Анцәа уиныҳәароуп, агәылацәагьы ҳгәы урҭынчит,
уҭаҳмадцәагьы ҭынч рҽырхәышәтәлап.
Дгьежьы-хынҳәуа, ииура-иҟаиҵара дақәымшәо ашҭа
ды­қәын Адамыр. Ауҭра аҵыхәан, шҭа бзиак аҟара, аџьықә­
реи ҭагаламкәа иаанханы иҭагылан. Аԥша ахьрысуаз, абӷь­
қәа ахьхьа-хьхьаҳәа еилаԥсон. Ахьажьқәа ианцәырыжәжәа,
аџьы­қәреи лапҟьақәа кылфаа-кылфааӡа иааԥшуан. Адамыр
акәытҵара ашә анааирт, ашҭа агәҭа инықәгылан, ахы иқәкны
иааҿнаҭит арбаӷь. Инахараны агәыларантә уи инаҭанакит,
даҽа рбаӷьк. Абоура аҟнытә, абат иаԥхьозу, аҩызцәа иаха
игәарымлакәа ирыцәҟьалоу, аҟаабжь гон акамбашь. Ашьха­
қәа иҩархыкны аҩеира иаҿын амра. Дыхьҭашьуан, игәахы
ҭӡыӡаауан Адамыр.
Ичамадан аашьҭихит. Аҩны-агәара лаԥшыла аимдара
ацымхәрас, иара ицәыӡыз уахь иҟазшәа, ажәҩан днаҵаԥшит.
Агаҿаҟа илаҟәны, иҭҭәааӡа, ашәытақәа анпыҟҟала икыдын
изықәшаз амза. Ауаҩи амзеи ирыхҳәааны иаб иеиҳәалоз
алакә ааигәалашәан, гәхьаагарала дааԥышәырччеит Адамыр,
«Мрас имоу иарбану, ауаҩы, уара, мрас иумоу иарбану?..»
Иеишра иаҟәыҵхьаз ала, агәашә дхыҵны дышцоз ан­
гәанаҭа, еиҭах иеишра иалагеит – раԥхьа ашҭа данҭнабааз
еиԥшҵәҟьа. Агәарабжьара дыбжьысны акыр днаскьаанӡагьы,
зны игәыбзыӷ-хыбзыӷуа, ҽазны игәааны ишьҭашуан ала.
1976

УԤсы шҭоу…
(Иҟалаҵәҟьаз ажәабжь)
Ари, Александр Диума икалам иаԥсоу, ахҭыс сеиҳәеит
изхызгаз ихаҭа, зыԥсҭазаара мыҟәмабараз Ирод Кәыҵниа.
Аха зны ишәасҳәап иареи сареи ҳшеибадырыз, раԥхьаӡа
дшызбаз. Уигьы уаҩы ихаимыршҭыша акоуп. Ҽнак Аҟәа дааит
саб. Ҩынҩажәижәабатәи ашықәсқәа рцамҭаз акәын. Ақалақь
ҳалаланы ҳашнеиуаз:
– Дад Митра, ус бзиак сзыҟауҵароуп иахьа, – иҳәан ҿааи­
ҭит. Уи даараӡа дангәыбзыӷу акәын сыхьӡ аниҳәоз. – Адәқьан
дуқәа рҿы ҳнеироуп.
– Адәқьан хәыҷқәа рҿы иааухәар амуӡои? – сҳәеит, иажәа
алаф ахь ииагауа. Алаф хәырбӷьыцс ишиԥхьаӡоз здыруан.
– Аахәараӡам. Аӡә дызбар сҭахуп. Ирод ҳәа дыҟоуп, Аҭара
ақыҭантәуп, Кәыҵниоуп. Доурышьҭны дааит ҳәа саҳаит.
Дызбароуп. Ирҳәоит, агарсавет ааигәара адәқьан дуқәа рҿы
аус иуеит ҳәа. Аҳ, анаџьалбеит, анигьы адәқьан аҿы акәыз­ма
аусура ахьиаҭәаз, аха дзықәшәаз ала, иԥсы ахьҭоугьы анцәа
иџьшьоуп.
Ҳнеит зыӡбахә имаз адәқьан аҿы. Уада хәыҷык аҿы
дтәан дибарц ииҭахыз ауаҩ. Ашәхымс ҳанынхыҵ, акраамҭа
акгьы еибымҳәауа, еихәаԥшуан саби иареи. Ихы-иҿы амца
аҿықәсызшәа ихыблаа-ҿыблаан, ихы шьҭыхны уамак уҿаԥшра иҭахымызт, иҭахымызт акәым, ицәыцәгьан.
– Уара, Ирод уакәӡами? – ҿааиҭит саб.
– Аиеи, Ирод соуп, – иҩнапыкгьы астол иқәырӷәӷәан
инаицирхыраан дҩагылеит. Уажәоуп иангәасҭа ибӷа маҷк
ишџьыҟәыз. – Усзымдырӡеит….

Аҩыџьагьы еихәаԥшуеит. Аԥсшәа еибырҳәаӡом. Агәырҩа
бааԥс, ҳәаак ианахыслак, аччара ашаҟа ишиасуа еиԥш,
аԥсшәа еибыҳәарагьы иара ахатә ҳәаақәа амазаап. Уи иа­
нахыслак ицәырҵуеит иара аҵкыс инеиҳау даҽакы.
– Уеибгоума уара, Ирод, уанаџьалбеит?! – иблақәа инапы
нархишьылеит, дуаҩы гәыԥшқоуп ҳәа ахаан иззырымҳәацыз
саб.
– Сгәы узҩоит… Уаанҿас, уаанҿас… уара Гач уоума, Кәыҿ­
ба Гач? Абыржәшьҭоуп уаныздыр! Ҳаныхәыҷыз, суацәа рҿы
аангылара шәара шәҳаблаҿы саннеилак, ҳшеицыхәмарлоз,
акамбашьқәа аӡмах ишҭатәоу рҵыхәақәа анеидҿаҳҳәалоз
угәаламшәаӡои?! Ҳаи, уанаџьалбеит, нарцәыҟа ицахьоу
рыԥсы ҭаланы иаауеит ҳәа сгәыӷуан акәымзар, уара уԥсы ҭаны
узбоит ҳәа сыҟамызт. Уашьа Қәыџьмахангьы уаргьы «ажәлар
раӷацәа» ҳәа шәыршьит ҳәа саҳахьан…
– Иашоуп, Қәыџьмахан дыршьит, аха, ишубо сара сеиқә­
хеит. Ирод, уанаџьалбеит, уԥсы еиқәырхашьас иҟауҵазеи?
Уара, Алакәаба аус ицызуаз?!
– Сеиқәхеит… Ушеиқәымхара иҟоузеи… – ҿааиҭит
сзеиԥшроу умбои ҳәа аанаго.
Акабинет захьӡыз ауада убасҟак ихәыҷын, ҳахҩык аарла
ҳаҩнагылан. Дара еизныжьны сара сындәылҵит, сыԥшуп.
Акыр ҵит.
Еицны иандәылҵ, ашҭаҿы акраамҭа изеиԥырҵуамызт.
Зыхьӡ­қәа рҳәоз рацәаҩын. Аӡәы ихьӡ анаарҳәалак, ина­
цырҵон:
– Дугәалашәоума?
– Дышԥасгәаламшәои!
– Дабаҟоушь? Дыршьыма, дхынҳәыма?
– Анцәа идырп!
Ианеиԥырҵуаз:
– Анцәа иџьшьоуп, ҳаи, анцәа иџьшьоуп! Згәы иаанагодаз
уеибганы ухынҳәуеит ҳәа, – иҳәеит саб.
– Ушеибгамхара иҟоузеи, – иҳәеит иара еиҭах.
Урҭ аҩыџьа реиқәшәара, реицәажәара сара исгәала­нар­
шәеит аибашьра иазкыз кинок аҿы избахьаз. Аконцлагер

иҭакыз атҟәацәа рхы иақәиҭыртәит ҳаибашьыҩцәа. Урҭ
атҟәацәеи ҳсолдаҭцәеи убасҵәҟьоуп ишеиԥылаз. Акы заҵәык
излеиԥшымыз, араҟа еиԥылаз, аҩыџьагьы итҟәаны иҟаз
ракәын.
Саби сареи адәқьан ҳаԥырҵны, ԥыҭк ҳанаанаскьа, дааҭ­
гылан, дхәыцуа ус ҿааиҭит:
– Анцәа иџьшьоуп деибга-деизҩыда дахьааз. Аха абас
еиԥш сымбакәа ԥыҭк сықәындаз. Дышԥаҟаз дегьшԥаҟалеи
уаҩы мыжда. Аарлаҳәоуп дшыздырыз. Ҳаибааӡахьан. Иара
иқыҭан, Аҭара, иара иеиԥш аҵара змаз, иара иеиԥш иҟәыӷаз
дмаҷын. Сара исзеилымкаауа, арахь ашколқәа аартны,
мчылагьы ауаа ҭаҵаны аҵара ддырҵон, иумҵар иуӡомызт
Сталин, арахь аҵара змаз, иҟәыӷаз дааибар, ихы аахиҵәон.
Ирод иеиԥшыз ауаҩы дҭазкыз!... Алакәаба ихаҭа цхырааҩыс
диман. Уаҳа сҭахымызт, знык иадамхаргьы дубазшәа уҟандаз
уи изакә ԥшра-сахьаз имаз. Иблагәқәа ҭышеишеиаауа, иӡара
еихыкаткато… Ҳныҟәнагаҵәҟьоит ҳәа агәра ганы иҟазу,
дара раҵкыс еиҳабацәаз ирыдырҵаны, иҟарымҵар амуазу
уара идыр, Алакәаба дицны, ҳара ҳқыҭаҿы днеит акалхоз
шәалалароуп ҳәа иҳалабжьарц. Ианца, исгәалашәоит, алаф
рҳәон: «Абыргцәа Алакәаба изыӡырҩуан, аҭыԥҳацәа Ирод
Кәыҵниа ихәаԥшуан» ҳәа.
Саб дааҭгылан, сара сакәымкәа, даҽа џьоукы иреиҳәоз­
шәа инациҵеит:
– Шәанаџьалбеит, дышԥаҟарҵеи, дзеиԥшрахазеи уаҩы
мыжда! Дахьеиқәхаз анцәа иџьшьоуп, уаҳа иуҳәозеи!..
Абри ашьҭахь иҟалап шықәсык инеиҳаны ицазаргьы.
Ҽнак Басла амшын иахьалало аевкалиптқәа рымҵан,
шәҟәқәак сываҵаны арымӡ сшықәтәаз, санынаԥш, ҭесԥыҳәк
кны, ишьапқәа ашьшьы-шььыҳәа еихго, уаанӡа дшызбахьаз
аҵкысгьы ибӷа рџьыҟәны, амшын давала дааиуан уи абырг.
Аԥсшәа анааибаҳҳәа, иԥсы ааиҭеикырц арымӡ днықәтәеит.
Усҟан изакә аамҭаз аилкаара уадаҩын. Акгьы рхарамкәа иҭа­
кыз ауаа аурышьҭхьан. Азакәан аганахьала акгьы шәхара­
мызт, цәгьара ҟашәымҵеит ҳәа рарҳәеит, аха аԥсҭазаараҿ
урҭ ишырзыҟаз зынӡаск даҽакын. Иуаҳауан абри еиԥш иҟаз
аицәажәара:

– Дуаҩԥсы бзиоуп, аха дҭакын, ишԥаҟаҳҵари…
– Иашоуп, дҭакын, аха акгьы ихарамызт…
– Ихараӡамызт, аха дҭакын…
– Ашәҟәы имоуп, изакәызаалак цәгьарак ҟаимҵакәа
дышҭаркыз!
– Иашоуп, акгьы ихарамызт, аха зегь акоуп дҭакын. Иҭа­кыз
игәра злаугарызеи…
Абас, ипарадоксшәа иҟан акгьы рхараӡамкәа иҭакны
ихынҳәыз рҭагылазаашьа. Убри акәхарын еиҳарак изыхҟьоз
иҭакны иааз урацәажәар, ирхыргаз иаахтны иахьуарымҳәоз.
Лакоба аус ицызуаз, аус ициу акәым, цхырааҩыс имаз, исҽны
идҵақәа назыгӡоз, Сталин инаиркны, аҳәынҭқарратә усзуҩ­
цәа дуқәак, хаҭала зегьы збахьаз, ирыҿцәажәахьаз ауаҩы
сидтәалоуп, сиазҵаақәар, сиҿцәажәар сҭахуп, аха алагашьа
сақәшәом. Изулак аицәажәара уи амҩа инықәысҵарц са­
налагалак, иара иаармарианы даҽаџьара инымҩахигоит.
Зегьы зыхҟьаз убас, ҩбашәа иахьырзыҟалазоуп. Уи аҩбатәи
трагедиан дара рзыҳәан. Иахьа-уажәгьы аԥсцәаҳа иҩызаха
иаҳҿагылазар сталинизм, усҟан, уи ихааныз, ииааӡаз иаҳа
ианырацәаз, урҭ рҿагылара шаҟа ицәгьаз шәара ижәдырп.
Абарҭ амчқәа еилаланы рхы цәырыргеит абри, уажәы зганаҿы
арымӡ сықәтәаз, Ирод Кәыҵниа иҿы.
Адефицит мыжда еснагь иауҟахым. Аҳәаанхыҵтәи магә­
қәак аанагазаап директорс дахьыҟаз адәқьан аҿы. Ҳаамҭаз­
тәи «ҭауадк» иԥҳәыс, амыждараз, адәқьан аԥхьа диасны дыш­
цоз, илаҳаит аҳәса рмагәқәа аанаган иҟан ҳәа. Дныҩналан,
исышәҭароуп лҳәеит. Инҵәахьеит, иҳамам рҳәеит аҭиҩцәа.
«Аҳкәажә» лгәы нханы, дмақарны, дындәылҵны дцеит.
Ҳәарада, мчы ҳәа акыр ыҟазар зегьы ршьапы иқәгылеит. Сааҭк
ҵаанӡа аорганаа хыҵны адәқьан иажәлеит, аҳәаанхыҵтәи
адиверсантцәа ркуазшәа. Адәқьан аадырҳәит, амҳәырқәа
аадырхеит. Ишеимырдоз, амыждараз аҭиҩы илҵәахыз, ма­
кьана зыхә лымшәацыз магәк ркит.
Ҩ-ажәак еихысҳәаалоит. Аибашьра иалагаанӡа ԥсуа хаҵа
бзиак, маҵура уаҩык дыҟан. Американтәи Нестор Лакоба изы­ҳәан акостиум злыҵшаз атрез ааугеит ҳәа дкыдҵаны дыршьит.
Усҵәҟьа рзыҟамҵазаргьы, акыр иазааигәахеит араҟагьы.

Итҟәацит, атәыла бгеит.
Аԥсны ада ҳәатәы рымамкәа иҟарҵеит.
Ҳәарада, Ирод дамырхит.
Амагә аӡбахә Қарҭ ЦК аҟынӡагьы инаӡеит. Ирод иеиԥшу
ҩажәижәибжь раан азалымдара иақәшәаз ауаа иашақәа
ирыбзоураны, иҭыԥ аҿы дшьақәдыргылеит. Абарҭқәа здыр­
уан, исгәалашәон иганаҿы арымӡ сахьықәтәаз. Иааркьаҿ­шәа
снаиазҵааит:
– Шәусқәа шԥаҟоу? Ишәзыруқәаз саб иаҳан, хьаас иман.
Аусура шәалагама?
– Ишыҟарҵац, еиҭах акгьы ухарам рҳәан, сшьақәдыргы­
леит. – Дааԥышәарччашәа иун, ус нациҵеит: – Зны уршьуеит,
нас акгьы ухараӡамкәа уҳамхашьызаап рҳәоит, ус ҳааиуеит.
Уи зуҭахузеи. Исгәалашәаз уасҳәап… – аҳәара усҟак
иҭахымкәа иҽааникылеит. Иахьагьы исыздыруам усҟан уи
игәалазыршәаз. Иҟалап, амшын иҭаз аҳәса хәыҷқәа џьара
аӡәы уи лыԥшра-лсахьа лхикаазар, иҟалап, уаанӡа длыз­
хәыцуа дааиуазҭгьы. – Санқәыԥшыз акәын. Уара уаҵ­кысгьы
сеиҵ­бын. Ҳаныҷкәынцәаз ҳаԥшӡан ҳамҳәои зегьы…
– Саб исеиҳәон, шәара шәанқәыԥшыз, ииашаҵәҟьаны,
аԥшӡара шәыкны шәагон ҳәа… Ишышәзырҳәаз шәдыруоу
Нестори шәареи аколхозқәа реиҿкааразы ҳқыҭаҿы шәнеины
шәанца? «Абыргцәа Нестор Лакоба изыӡырҩуан, аҳәса
хәыҷқәа Ирод Кәыҵниа ихәаԥшуан» рҳәеит.
– Гач иоума уи уазҳәаз? Уф, афы исааит, иара сара
саҵкыс деицәазшәа! Уи зуҭахузеи. Абзиара ԥшӡарала
иауҟалахуа. Аӡәы лзыҳәан адунеи иқәу зегьы раҵкыс сара
сеиӷьхазаап. Сара сзыҳәангьы лара дынцәахшахеит. Ажәак
ала, ԥҳәызбаки сареи бзиа ҳаибабеит. Илхыҵуан лара
жәаф шықәса. Доурысын, москватәын. Лани лаби дрыцны
Гагра Лакоба идачаҿы рыԥсы ршьон. Убра ҳаибадырит.
Ҳанеибабаҵәҟьа ҳгәаԥхеибашьеит. Слышьҭаланы знык
аҟара Москванӡагьы сцахьан. Ес-ҩымш, ес-хымш лысалам
шәҟәқәа соуан. Ҳанасыԥ еилаҳҵап ҳәа ӡбаны ишҳамаз, зегьы
ааҳәит. Иуаҳахьазар акәхап, Нестор Апполон-иԥа уаҵәы
иаашар шықәс ҿыцны, уахеиԥш Қарҭ, Бериа днаганы ахәшә

ииржәит, дишьит. Дәыӷ­ба­ла дааганы, уаҩы ишимбац, жәлары
зегьы ашәы рышәҵаны, жәлары зегьы рнапы дықәыргыла,
анышә дамардеит. Ашьҭахь, дук мырҵыкәа, цәала-жьыла
дахьыршьызгьы рзымхеит, уи далыхәдартәит ахьӡ-аԥшагьы.
Ажәлар драӷан рҳәан, дыҵырхит. Изааигәаз зегьы рҭакра
иалагеит. Сара изааигәараҿы сыҟазма, иара иҿы аус зуан.
Аҭакра ианналагаҵәҟьа сыргеит саргьы. Бзиарас иҟасҵаз,
москватәи сыԥҳәызба лысалам шәҟәқәа налаҵаны, документ
ҳәа акыр сымазар, изаҟаразаалак акы аанмыжькәа, заа
зегьы сблит. Сахьыргоз, сахьҭакыз, исзааргаз, уаӷоу иҿы
иаирҳәааит.
– Саҭамыз, акы сшәазҵаар сҭахын. Дышәбақәахьазу, дзакә
уаҩыз Бериа? – снаиазҵааит.
– Уи итәы издыруа зегьы аҳәара салагар, уахыки ҽнаки
рылагьы исызҳәом. Аха уансазҵаа, акы заҵәык уасҳәап.
Қырҭтәыла дахагылан. Зны дааит Гагра. Нестор Москва
дыҟан. Аҭел дысзасит, сдачаҿы ихәы ҟаҵаны патук иқәышәҵа
ҳәа. Аԥсуаа усгьы ҩба ҳалаӡам, ҳгәы иҭоу ауп ҳқьышәгьы
иқәку. Нестор игәы иҭазоуп ииҳәаз, аха егьи даҽакала, иара
итәала еиликааит. Ибласаркьа цырцыруа, ихәы данынахатәа,
аҩы наизҭасҭәеит. «Ахәшә ашәҭазар ҟалоит, иужәыроуп»,
инасиржәит. Ахәшә аҭара зысҭахыз, Настор изиураны дыҟаз
мацара здыруазҭгьы исызхон. Илаигәыдҵаны дысшьуан
схаҭаҵәҟьа. Иӡбахә уаӷоу иҳәеит.
Ишуасҳәоз саҟәыҵит, сҭаркит. Аибашьраан аконцлагер­
қәа ирҭакыз срацәажәалоит. Ирхыргаз аҳәара ианалагалак,
аччара сакуеит. Акурорт аҿы шәыҟазаарын анысҳәалак,
игәаауеит. Уи зуҭахузеи, сеиқәхеит. Сзеиԥшраз уара уазхәыц,
саныхынҳә, реиҳа исзааигәаз ауаа сырзымдырзар.
– Мчыла шәдырҳәацәон… Саб исеиҳәон абаандаҩцәа
рнацәхыԥқәа хырыжәжәон, рваҵарақәа ԥырҵәҵәон ҳәа…
– Аа, уахәаԥш… – исарочка дааҩахеит. Изқәа сын­кы­
дыԥшылеит. Ихәхәа-хәхәаӡа, еидӷьаланы ашәахсҭақәа анын. –
Убри ауп сыбӷа зырхәаз. Анервқәа ԥхасҭахеит, иҩеит. Схахәы
каԥсеит, схы-сҿы аҵаа иаблит, схаԥыцқәа ацинга… Урҭ зегьы
зуҭахузеи. Сеиқәхеит, схынҳәит…

Дааԥышәырччеит. Ԥыҭрак игәы дҭахәыцуа дтәан. Ҭынч
инациҵеит:
– Иџьоушьаша даҽакы уасҳәап. Уаҟа, алагер аҿы саныҟаз,
сыԥсы злеиқәсырхаша, Аԥсныҟа сызлахынҳәыша сазхәыц­
уан. Араҟа санааи, смаар иаҳа еиӷьзаарын сҳәеит. Адәқьан аҿы
сзықәдыршәақәаз, сзыниақәаз рзыҳәан акәым изысҳәо. Аӡә­
гьы сизымдырӡо… «Сышԥоузымдыри, Ирод Кәыҵниа сами?!»
– анысҳәалак: «Ирод Кәыҵниа уҳәоу?! Ҳаи, абааԥс, Ироди уа­
реи шәабеиԥшу!» – зҳәогьы дубап. Уи иазууазеи! Сшаазаалак,
сааит. Акыр ҵит. Ҽнак, аҩны сыштәаз, ателефон абжьы геит.
Иаақәысхит. Кәыҵниа иуадоума? Ааи, Кәыҵниоуп. Сара
дсыԥшаарц сишьҭоуп Иродион ҳәа Кәыҵниак. Дыжәдыруа­
зар, ма ихабар шәаҳахьазар? Ибзиаӡаны дыздыруан, уимоу,
иа­реи сареи ҳагьеиҩызцәан. Дыԥсхьеит, рыцҳа сҳәеит. Алаф
сҳәоит. «Сара акырџьара ателефонқәа срысхьеит, аӡәыр­
ҩы сраз­ҵаахьеит. Урҭ исарҳәеит уи иԥсы ҭаны дхынҳәит
ҳәа. Абри ателефонгьы сырҭеит», – илуам аԥҳәыс. Ҟоҳ, ари
алаф зоуҳәо аӡәы лакәымзаап, аҵәуара далагарц егьлыгым
сгәахәт. Ибзиоуп, бара ус ибҭахызар. Иԥсы ҭоуп, сара соуп
сҳәеит. Уаанӡа акы лҳәартә дыҟазҭгьы, уажә зынӡа лыбжьы
лыхәлашәеит. Сара соуп. Сара соуп, сара! Ирод Кәыҵниа соуп,
изҿыбымҭуазеи сҳәоит. Сӡырҩызар, қьыпшәып быжьқәак
саҳауеит. Уара уоума лҳәоит, деиҭаҵаауеит. Еиҭасҳәоит. «Ро­
дик, сара соуп, ари, сара…» лҳәеит аҵыхәтәан. Ихауҵару,
лыбжьы ала дыздырит. Абар… лыхьӡ лыжәла зуҭахузеи, дҭаа­
цәароуп, насыԥ анцәа илиҭааит. Бара боума? – Сыҳәҳәеит
лыхьӡ ҳәаны. Сыбжьы злоудырзеи, сызлаугәалашәазеи лым­
шуп. Бысгәалашәеит, бхы сгәалабмыршәеи сҳәоит. Исыз­
дыруам изласымҳәаз уи лыбжьы шаҟантә сгәы иқәыҩхьаз.
Изныкымкәа, акарцер санҭакыз, ҽазны, ма разина лабала,
мамзаргьы магә шьхәала сыпҟара ианалагалак, лыбжьы
гәы рӷәӷәагаха… Уахык, зынӡа схы сзымдырӡо акамераҿ
сааргеит. Адырҩаҽны исыцҭакыз лыхьӡ иҳәан, дызусҭада
абас еиԥш зыхьӡу аԥҳәыс иҳәан днасазҵааит. Сбара даазап,
слыԥшаазаап сҳәан, сгәырӷьеит. Ԥшаашьа шсымамыз, сахьы­
ҟаз схашҭит. Уара дабаудыруеи анысҳәа, иахантәарак лыхьӡ

аҳәара уаҿын иҳәеит. Абарҭқәа зегьы уажәы, аҭел ллымҳа
ахьадкылоу, лыбжьы анаасаҳа, иаасгәалашәеит. Телефонла
лара дсазҵаауеит, сара аҭак ҟасҵоит, сара слазҵаауеит, лара
аҭак ҟалҵоит. Ҳаицәажәоит, аиқәшәара згәы иҭаӡам џьоукы
реиԥш. Ашьҭахь лара уаҳа ианылзымычҳа, иухьзеи, сара
изысурҳәозеи лҳәан ҿаалҭит. Лмаҭа ҷкәын хәыҷы длыцны
ныҟәара даазап. Аӷба иҭаны Аҟәа иаадгылазаап. Аухаҵәҟьа
еиҭа амҩа иқәлоит. Исзеилымкааӡошәа сҽансырдагәаӡа
ҳаиқә­шәап, снаухәаԥшыр сҭахуп, лҳәан, бзиа ушызбоз уԥҳәыс
иласҳәоит, уи дгәааӡом ҳәа лафкгьы нацылҵеит. Сара ҿысҭ­
уам. Лара лҳәара зысҭахузеи. Сара схаҭа саргәаҟуеит лыбла
аҭаԥшра.
Исычҳаит, сыҽныскылеит.
Аҵәуараҵәҟьа далагеит. Минуҭ заҵәык снаухәаԥшуеит,
уаҳа сҭахӡам лҳәеит.
Исымуит.
Ажәа хаақәак нацҵаны, лыхьӡ сҳәан, бара дыбдыруаз­
ма Ирод Кәыҵниа? Ушԥаҵаауеи! Ажәала ссахьа аҭыхра
далагеит. Сыблақәа ирыԥшшәхәыз, схахәы шыԥхьасҳәалоз,
сныҟәашьа зеиԥшраз, санцәажәо снапқәа идсырҟаҵоз…
Ссахьа ааҭылхит. Схаҭа исхашҭхьоу ссахьа. Абарҭқәа аныл­
ҳәа, иаҳагьы агәра згеит, ҳаиқәшәара сахьақәшаҳаҭымхаз
шаҟа сиашаз.
– Уаҳа шәеиқәымшәаӡеи?
– Мап. Дҵәуеит-дхьит. Исымуит, саргьы сылабжыш аалгеит,
аха исычҳаит.
Ма аӡәы заҵәык дыҟазааит, сыԥсы шҭоу сызцәымԥсыз,
ауаҩы иԥшра-исахьа ансымаз сызгәалашәауа, убас згәа­
лашәараҿы саанхаз… – даасыхәаԥшын дааԥышәарччеит.
Ихаԥыцқәа санрыхәаԥш, исымбаӡазшәа ҟасҵеит.
– Исыздыруам шәахьынӡаиашоу. Абриаҟара аамҭа ишәыз­
хәыцуаз, шәылабара иаргәаҟуаз… Насгьы зынӡаск шәыԥшра
гәыҭҟьагоушәа… – акыр шықәса ҵраны иҟан уи ауаҩ ииҳәаз,
иҟаиҵаз шаҟа ииашоу еилыскаарц азыҳәан.
– Сыӡбахә иалҳәахьазар акәхарын, смаҭагьы уибарц
иҭахуп лҳәеит, – инахараӡаны амшын ахь дахьыԥшуаз,

иԥшышьа убас иҟан, амшын акыр ихараны, абас усызны­
ҟәартә еиԥш цәгьарас иузызухьаз иҳәарц иҭахызшәа.
Џьара акы шҳәатәыз аҟара здыруан, аха иҳәатәыз, ажәа­
қәас иԥшаатәыз сзымдыруа стәан.
Дҩагылан данцоз акраамҭа сишьклаԥшуан. Реихгара
ицәыхьанҭан ишьапқәа. Убри аҵкысгьы ицәыхьанҭан ибӷа
риашаны, ихы ҩышьҭых, ажәҩан аҵаԥшра. Афырҭын бааԥс
ахнагеит аҵла. Уара иумбаӡеит уи афырҭын бааԥс анасуаз
иазаанагоз. Амҵан уаннеиз афырҭын еиқәтәахьан. Аха аҵла
унахәаԥшыр, унамҵаԥшыр, иаармарианы иудыруеит иахнагаз.
Афырҭын бааԥс иадукылар уи ауаҩ иаамҭа, аҵла даҩызахоит
ихаҭа.
Иныҟәашәа мацарагьы иуанаҳәон зегьы…
1986

Мшыбзиа – бзиала
Аԥхын, ухы аршаҟәо амра анкацеиуа, уҩыза ателефон
дасуеит, ма иуамҳәаӡакәа, дуқәгәыӷны, уҩны ашә даалагылоит.
Иӡамҩақәа апырпыл рыцралазшәа иҭыҵәраа ицоит, аԥхӡы
иҿашуп.
Ушәхымс дшаахыҵлакь:
– Уф гәышьа! Уажәшьҭа издырит Абрыскьыл аҳаԥы дыз­
хәыҵымҵуа, ихьшәашәаӡа уа дхәыҵатәоуп. Ҳдәықәҵа! –
инапы наиҟьоит, «марш», усаԥыс аанарго.
– Иаба? – иузымдыруашәа, ҽхырҵаа ҟауҵоит уара.
– Ақалақь аҟәкыра ҳналҵып. Мҽышоуп иахьа, иуха­
мышҭзар. У-уф! Сҟәыкит! Ҳцап ӡиас хьшәашәак ахьиасуа,
абна акка­ра рышәшьыра ахьыҟоу.
Иаалырҟьан ажәа знырҵаз аԥҳәызба леиԥш, ақәша­
ҳаҭхашьагьы уақәымшәо, мапгьы узымкуа угылоуп! Акы
ушаргәаҟуа збауа уҩыза ужәҩа апҟаца аакыдырган, дԥы­
шәырччо ҿааиҭуеит:

– Уқьышә кылмышьшьын, ашәишәи еиԥш! Ҳхала ҳцап ҳәа
уасымҳәеит. Иабаҟоу ателефон? Ҳалзасып Агра. Саргьы схала
сыҟам!
Иузымдыруашәа ҳәа аанарго, дноуҿаԥшны:
– Иуцда? – уиазҵаауеит.
Селма, Селҳа, Сима, Сырма ҳәа џьара ԥҳәызбак лыхьӡ
иҳәоит. Атрубка аақәиԥаауеит. Уи агәра ганы дыҟоуп, уара
уакәым, уара ухьӡала Агра иара дылзасны, абри аҭыԥ аҟны
ҳнеиуеит, баҳзыԥшны ҳәа леиҳәар шазхо. Акы ихашҭны
игәалаиршәарц иҭахушәа, духәаԥшуеит лтелефон аномер
иоуҳәарц.
Уԥшшәы аҽаԥсахуеит Агра лыӡбахә аниҳәалак. Угәы аи­
сы­бжьы ухаҭа иуаҳауеит. Ателефон аномер ацифрақәа ласласӡа уқьышә иаақәыххуеит, аха угәырӷьара ахаҳә зԥыраҳаз
аӡыхь иаҩызахоит. Иаарласны ухаҿы иааугоит уҩыза ате­
лефон данаслак ашьҭахь, Агреи уареи ишәеицәажәашьахо.
«Еиҭах аӡәы дыргәыбзыӷны ателефон даурсыхма? Шаҟантә
иуасҳәарызеи! Уамыслан ателефон, уамыслан!» – лҳәоит
лара. Уара лыблақәа урхыԥшылоит, илҳәашьоу еилукаарц.
«Бымгәаан, бааԥши, сара сакәӡам ателефон дазырсыз. Ус,
иара ихала, ҳаштәаз, ҳшеицәажәоз, иара ихала иаақәыхны
дыбзасит!» – ухы урқьиарц уалагоит, дшымхәмаруа аҟара
анудырлак… Абри ануҳәо ухы-уҿы бзамыҟәхоит, убз уҿыҵа
иадҷаблазшәа, ажәақәа еилоуҟәаҟәоит. «Шәшеицәажәоз,
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 14
  • Büleklär
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3422
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2327
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3424
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2318
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3457
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2376
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3416
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2475
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3405
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2371
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3473
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2315
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3441
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2424
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3410
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2312
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3368
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2375
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3363
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2265
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3437
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2316
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3332
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2278
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3379
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2340
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3316
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2294
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3375
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2336
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3413
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2363
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3378
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2131
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3368
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2346
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 19
    Süzlärneñ gomumi sanı 3361
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2294
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 20
    Süzlärneñ gomumi sanı 3385
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2378
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 21
    Süzlärneñ gomumi sanı 3046
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2153
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 22
    Süzlärneñ gomumi sanı 3962
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2010
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 23
    Süzlärneñ gomumi sanı 4058
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1963
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 24
    Süzlärneñ gomumi sanı 4032
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2070
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 25
    Süzlärneñ gomumi sanı 4407
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2082
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 26
    Süzlärneñ gomumi sanı 4378
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2223
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 27
    Süzlärneñ gomumi sanı 4049
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2320
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 28
    Süzlärneñ gomumi sanı 3350
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2336
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 29
    Süzlärneñ gomumi sanı 3323
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2312
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 30
    Süzlärneñ gomumi sanı 3372
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2315
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 31
    Süzlärneñ gomumi sanı 3345
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2263
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аԥшьбатәи атом - 32
    Süzlärneñ gomumi sanı 2958
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1986