Latin

Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 33

Süzlärneñ gomumi sanı 3328
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2331
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Избанзар, аиныхраҿы иахдырҟьацәо иалагеит. Асаби гәлымҵәах дыԥсызааит, шықәсышәк ирҭысхьаз аҭаҳмада идунеи
иԥсахзааит, иԥсхәы руеит, аԥсхәраҿы аҭамада далырхуеит.
Уи аҵәцақәа ааидкыланы ижәуеит. Аҩы зжәыз уара угәырҩа
аҵкыс, иара ихатә гәалақәа, игәҭыхақәа иаҳа игәалашәоит.
Аисра, аҳәызба ҟьара, аԥсраҿы ашәа аҳәара ҿаасҭарас иҟоу
зегьы иара иахҟьо иалагеит.
– Насгьы изларжәуазеи аҩы? – иҳәеит даҽа быргк,
ачеиҵәыцақәа рыла аԥсхәраҿы аҩы ржәуеит. Изаҳахьадаз
ачеиҵәыцала аԥсхәраҿы аҩы ржәуа, избахьадаз аҭамада
далырхуа.
– Иара аиныхра ахаҭагьы анбаҟарҵоз? – иҳәеит ахԥатәи
аҭаҳмада, – изахьӡузеи, дад, ажәа аиныхра? Деинырхит,
имаз, ихӡыз рфеит, иршеит, иргеит абри ауп иаанаго. Уи
анбаҟарҵоз? Аҩнаҭа ахәышҭаара аныцәалакь, аԥшәмацәа
рахьтә аҵыхәтәан иԥсыз анышә днамаданы, аҩнаҭа ашә
наркны ианцоз акәын. Ишнеи-неиуаз аиныхра ахькылсыз
жәбоит. Иԥсыз дыԥсит, аха иаанхаз хнарҵәо аҟынӡа
икылсит. Аԥсра – ԥара рҳагахеит, крыфагахеит, ҩыржәгахеит.
Хаҳәык налшәар, даҽакы инааханы, абахә анбго еиԥш,
знык ианеилагаха ҵас бзиак, уи инадҳәаланы, еилагахеит
ҳҵасқәа иреиӷьыз даҽакгьы. Ишәаҳахьеит ажәаԥҟа: «Напы еилаԥса уаҩ дааӡоит, лаба еилаԥса уаҩ дашьуеит» –
ҳәа. Ианбаҟарҵоз напеилаԥса? Ауаҩы абылра дақәшәар,
ӡхыҵрак иҵалар, бахәык бганы дыхнарҵәар, иешьара,
иҳабла, иқыҭа дасу ирылшо неилаԥсаны деиҭандырхон.
Аԥсхәра ианахдырҟьацәа, ҭаацәак рхала рымч ақәымхо
аҟынӡа ианнеи, иныҵак-ааҵакны аҭынхацәа аицхыраара
иалагеит, ишнеиуаз уи аицхыраара иаланагалеит аҳабла
зегьы. Уаҟагьы иаанымгылеит, жәла-жәлала аилаԥса аҟаҵара

иалагеит ауаа.
Агәырҩа еиқәаҵәа иҭааит рҳәоит акәымзар, изаҳахьада
агәырҩа ԥшӡа ҳәа. Убас ишыҟоугьы, ҳара ҳанҵамҭақәа
ирыхьӡаҳҵеит агәырҩа ԥшӡеи агәырӷьара еиқәаҵәеи ҳәа.
«Ачара ԥшӡоуп шәаҳәарала, аԥсра–ҵәуарала» – аҳәоит
ажәаԥҟа. Ажәлар рхаҭа ирҳәоит аҵәуара ԥшӡа ҳәа. Иҟоуп
гәалсрала, гәыԥжәарала, агәырҩа ду иалҵыз аҵәуара заҳаны,
гәаҵәа зыӷроу згәы иалымсра дызусҭада. Аха иҟоуп баша,
бжьыла, ҽырбашақә аҵәуарагьы.
Ԥыҭҩык ҳаилагыланы ԥсрак ашҟа ҳнеиуан. Ҳазцыз аԥ­
ҳәыс лабхәа иашьа, зықәра зфахьаз ҭаҳмадак дыԥсны дык­
ҿан. Агәарԥ ҳазааигәахо ҳаналага, ҳазцыз аԥҳәыс илыд­гылаз
даҽа ԥҳәыск ус налыҵалҳәеит:
– Аҳы, балага, шьҭа балага, – ҳәа. Абри анбалҳәо ҳәа
дыԥшызшәа, дазыҟаҵаны дыҟазар акәхарын, алымҩанык
автобус аҟны ахьхьаҳәа дыччо, иҳацҭаз аԥҳәыс, убасеиԥш ҳәҳәабжьык ҩҭылцеит, уи ашҭа акәым, ақыҭа зе­
гьы инахыҩыртә. Цәгьамзар бзиа уаҩ дахыччом ҳәа, ала­
хьеиқәҵара ацымхәрас, ԥыҭҩык уи аҳәҳәабжь ҳқьышә
аччаԥшь ықәнаҵеит, избанзар агәыблра иахылҵыз ҳәҳәабжьымызт. Уи ҽырбара бааԥсын, хәмарран, артистран. Убри,
аҽырԥшӡаразы иҳәҳәози, шаҟа ҳаҳәҳәо жәбома рҳәарыз­
шәа, рыхқәа шьҭыхны, уи илыцыҳәҳәози, илыцзырӷызуази
уҳәа ирылыҩны, аарла иуаҳартә ҵәуабжьык слымҳа иаа­
ҭасит. Дҵәуон ԥҳәыс қәыԥшк. Иԥсыз иԥҳа лакәзаарын. Уи
дмыҳәҳәакәа, сышҵәуо жәбома ҳәа лыбжьы ҭымцацәакәа,
убасҟак гәыблыла дҵәуон, лаб изыҳәан убас игәыҭшьаагаз
ажәақәак алаҵаны амыткәма лҳәон, сара, уи ауаҩ дызҭынхаӡамызгьы, сылабжышқәа аҳәҳәыҳәа рҿаархеит. Убри,
аҵәуара, аҳәҳәара суалуп ҳәа дымхәыцкәа, артистрала,
хәмаррала акәымкәа, гәыблрала иҵәуоз лакәын аԥсра
зырԥшӡозгьы.
Зцивилизациа заа иҿиаз, апрофессионалтә музыка аԥ­
ҵа­раҿы ԥхьаҟа ицаз ажәларқәа рҿы, аԥсы дахьыкҿоу ила­
хьеиқәҵагоу амелодиа, ареквием адырҳәоит. Абри рыцә­
тәыммызт жәытә-натә аахыс аԥсуаагьы. Ауарӷан му­зыка

рымамызт, асимфониатә оркестрқәа ыҟамызт, аха иҟан,
акомпозиторцәа дуӡӡақәа раԥҵамҭақәа иреиҳамзар иреи­
ҵамыз даҽакы: амыткәма аҳәара. Ауаҩы ихы-игәахьы им­
неиуа баша гәаҵаӡамкәа, бжьыла аҳәҳәара иаҩызамызт уи.
Илахьеиқәҵаган, ирхәыцган. Абри ажәа инаҵшьны исҳәарц
сҭахуп – ирхәыцган. Здунеи зыԥсахыз уизнархәыцуан, иу­
гәалашәон уи иԥсҭазаара, иусқәа, иугәаланаршәон иччаԥшь,
ицәажәабжь. Убарҭ зегьы анугәалашәалакь, дуҵәуон ма
лаӷырӡыла, мамзаргьы гәыла, лаӷырӡыда. Уара ухатә ԥсҭа­
заарагьы уазхәыцуан. Иакәымк ҟауҵахьазар уахьнар­хәуан.
Доуҳала уарыцқьон.
Мызқәак уажәаԥхьа, иаалырҟьаны машәырла дҭахеит
ажәлари аҳәынҭкарреи рзыҳәан акыр иаԥсаз, иаԥхьаҟагьы
аԥеиԥш бзиа змаз арԥыск. Иан, аԥхәысеиба, иара ида хшара
длымамызт. Адунеи лхалашьцеит уи аԥҳәыс. Аԥсы даннаага
ауха, аҵх анынаскьа, иааигәаӡаз агәакьацәа рыда зегьы анца,
аԥсыжра иадҳәалоу аусқәа рылацәажәара ианналага, убри
ан илҳәаз ажәақәа, сара ҩынҩықәра ныс-ҵыргьы исхашҭуам.
Сара сыблаҿы лаҟара лызҳаит уи аԥҳәыс. Лхы лнапаҿы
иааганы, лгәырҩа ду даиааины, ус ҿаалҭит:
– Сара сыҷкәын даԥсуан. Аԥсуа ҵас бзиақәа ишрыхәҭоу ишырҳәо дымҩаԥыжәгарцгьы сҭахуп, сшәыкәыхшоуп.
Ихшыҩ хәыҷи илшареи ижәлар рзыҳәан иҭахын. Сара
издыруеит уи ицәымӷыз аҵасқәа, издыруеит бзиа иибозгьы.
Иԥсы ҭоушәа дыԥхьаӡаны, игәы иацәымӷыз ҟаҳҵарым. Сара
стәы уажәшьҭа егьыҟам, аха иара дсырԥхашьар сҭахым.
Сшәыҳәоит иҭынхацәа, дыҷкәыназ, дыӡӷабыз, шәашьа иакәын, ашәы аамҭала ишәшәышәымҵар амуазар акәхап,
аха ишәшәышәымҵан аҿыртлах. Аҷкәынцәа, ахацәа аӡәгьы
шәмахәар ашәы ашәымҭан, шәылахь ацаха еиқәаҵәа акәыршаны иҿашәымҳәан.
– Апатреҭ хәыҷқәа, раԥхьа иарҭаша ҟаҳҵар ҳҭахуп, бгәы
иацәымӷымзар, – иҳәеит аӡәы.
– Иаҭахӡам, нан, убригьы. Аԥсуаа иаҳҵасым. Иаргьы
ицәымӷын уи аҵас. Баша ҽырбароуп иҳәон, – лҳәеит иан.
– Аԥсыжра аҽны, ашәымкьат аханы ихьӡи, ижәлеи, дани-

зи, данԥсызи ашықәсқәа анҵаны ашәы кнаҳҳарыма? – дналазҵааит даҽаӡәы.
– Иаҭахӡам, нан, убригьы. Аԥсраҿы дааиуеит сыҷкәын
дыздыруаз. Баша мҩасҩык исырбарц азыҳәаноума изкыдысҵо? Амшасҩы дцааит иара имҩахь. Абарҭқәа рыдагьы, сшәыҳәоит, аоркестр аӡәы иааимгартә исызрашәҳәа.
Иаҳәалааит ареквием. Аԥсы дзырԥхашьаша ҟаҳҵарым, –
дҩагылан дныҩналеит лԥазаҵә дахьыкҿаз ауадахь.
Абасоуп артистра злам, ауаҩытәыҩса игәырҩа ду захьӡу
шыҟоу. Иамуӡакәа, лахьынҵала уи аҩыза зҭаагәышьаз, ауаа
сырбомашь, иҟасҵо гәарҭомашь ҳәа аҽырбара дашьҭалаӡом.
Ԥсшьара иаауа, ма исасцәаны иаҳҭаауа иџьаршьоит,
милаҭтә шәҵатәума ҳәа иазҵаауеит ашәы. Убасҟак ирацәа­
ҩуп уи зшәу аҳәса. Сара исгәалашәоит, аԥсуа рҵаҩцәа дуқәа
иреиуаз, аҵара бзиа змаз Давид Лакоба иуасиаҭ ажәақәа:
– Сара сзыҳәан мышҩынҩажәа иреиҳаны аӡәгьы ашәы
шәшәышәымҵан. Аиныхраҳәа акы аԥшьышәымган, – иҳәеит
уи. Ауаҩ ҟәыӷа идыруан, ашәы шаҟа ауаҩы иԥырхагоу.
Ашәы зшәу дыччар, алаф иҳәар, инаԥшуа дихыччоит. Еснагь илахь еиқәҵаны дныҟәалароуп. Иара илахь еиқәызар,
ашәы ишәызар, инаидгылалакгьы, дзықәшәаз аԥсра наигәалаиршәалоит. Иацәажәогьы дыччо дызиацәажәом. Уигьы
игәалаҟара бжьысыр акәхеит. Шаҟа угәы унархьуазеи зцәа
зтәым аԥҳәыс ашәы лшәны данубалакь. Иашагәышьоуп,
агәырҩа ду дақәшәеит, аха дрыцҳами лцәа иалоу асаби.
Зцәа зтәым аԥҳәыс шаҟа лгәы ҭыганы дыҟоу, шаҟа дыччо,
дыхәмаруа, шаҟа лгәы ԥылымжәо, убасҟак иираны иҟоу
ахәыҷы ихәоит ҳәа ирыԥхьаӡоит амедицина аусзуҩцәа.
Иашоуп, аԥсуа, иара егьырҭ Кавказ иқәынхо амилаҭқәагьы,
мыцхәы иуаа гәыцыхцыхқәоуп, аемоциа ӷәӷәаны ирымоуп,
рыхшыҩ аҵкыс рцәанырра аиааилоит. Аха ԥсыхәа
ахьынӡамоу ҳҽынкыланы ҳҽанҳаршәароуп, ауаҩы даниуаз
ициз – аԥсра. Абзара зшаз аԥсрагьы ишеит рҳәоит. Акаамеҭ
ҟалазшәа, адунеи еиқәыбгазшәа ирыдыркылом аԥсра,
иаҳҳәап, Европатәи ажәларқәа. Иазхәыцлатәуп иаанхаз
иԥсҭазаареи уи игәабзиареи. Абзиа уақәгәыӷла, аха ацәгьа

уазыхиаз зырҳәазгьы абри азыҳәан акәхап.
Икаҳажьып аԥсы имыхәо, абза ихырҵәагоу, ирԥхашьагоу
аҵас бааԥсқәа!
Маи 8, 1976

АМШЫН, АҬОУРЫХ, АԤЕИԤШ

(«Болгариатәи амшынҵа» аҟнытә)
Аныҟәарақәа раан иҟарҵало анҵамҭақәа, шамаха, зегьы
алагоит амҩа иқәларц азыҳәан аҽеиқәыршәара ишаҿыз,
ирҭаххақәаша ишрышьҭаз, ишырԥшааз, ма ишырмоуз, нас,
ҳгәы архьухьурц азыҳәан, рҭынхацәеи дареи реиԥырҵра
иналацәажәоит. Уи аиԥырҵра еиҳарак имҩаԥысуеит аҳаиртә баӷәазаҿы, мамзаргьы адәыӷба аанҿасырҭаҿы. Абри,
ишьақәгылахьоу атрадициа, ицәгьоуп ма ибзиоуп ҳәа ахымҳәаакәа, ҳара иаҳҭахуп, аешьаратә ҳәынҭкарра Болгариа
иҟаҵоу анҵамҭақәа ҳрылагарц иара уаҟа, ҳахьнеишаз ҳаннеи
инаркны. Уи мацара акәымкәа, еилаҳгап даҽа традициакгьы.
Ҩы-мчыбжьа ҳахьыҟаз иаабаз, иҳаҳаз абзиарақәа зегьы
рҳәара ҳаламгакәа, иаҳгәалаҳаршәап иналкааны мышкы,
иналкааны ҭыԥк. Убри аҭыԥ арбану? Болгариа збахьоу ма
шәҟәбыӷьшәыла издыруа, ҳәарада, Софиа ауп иҳәашт, из­
банзар, сасра уахьнеиз, аԥшәма думбар иаҩызоуп, уахьнеиз
атәыла аҳҭнықалақь авсра. Араҟоуп жәытәнатә аахыс амилаҭ
идырҿиахьоу аматериалтәи адоуҳатәи культура ахьеизаку,
иахьубарҭоу, иахьуаҳарҭоу. Мықә ауахәама угәалазыршәо
ауахәама ахьгылоу, Софиа анакәымха узлацәажәо, хымԥада,
арҭ анҵамҭақәа Варна иазкуп, избанзар еицырдыруа
қалақьуп, еицырдыруа курортуп иҳәашт. Мап, аԥшӡа ссир
Софиа, аеҵәара иҭалаҳаны, ажәытәтәи архитектуреи аҿатә
архитектуреи узеиҟәымҭхо еинрааланы иахьеиларсу, аӡыцәақәа тәарҭас иахьрымоу Варна абаҳчақәеи ааныжьны,
ҳанҵамҭақәа, ҳагәҭахәыцрақәа рзаҳкырц ҳҭахуп Албена.
Ахьӡ анаҳҳәаҵәҟьа, ҳажәа ҳаԥыҩланы, иаҳгәалаҳаршәап,

уи ахьӡ иадҳәаланы хәылԥазык абраҟа иҳамаз аицәажәара.
Абнаккара инагәылахаланы, хыбрас ажәҩан ҳхагыланы,
«Староблгарски стан ресторант» аҟны ҳтәан еицырдыруа
ашәаҳәаҩы, «Ахьтәы Орфеи» ҩынтә изанаршьахьоу Ми­
хаил Белчеви ҳареи. Уи игәаларшәаны далацәажәон Аԥ­
с­ны даныҟаз игастрольтә концертқәа шымҩаԥысыз. Даҳ­
хагьежьуа ҳамаҵ луан ахәыҭаҩ ԥҳәызба. Лыԥшра-лсахьа
мацара акәым, лԥышәырччашьалагьы уи даараӡа дреиԥшын
аԥсуа ҳәсахәыҷкәа. Дҿаԥха-ҿаччо, фатәы-жәтәы ҳәа уаҳа
акыр шәҭахума ҳәа данааҳадгыла:
– Абас ибзианы ҳамаҵ ахьыбуа азыҳәан баҳныҳәарц
ҳҭахуп, – иҳәеит Михаил. Лафҳәаҩык иакәын иара.
– Дабаҳныҳәо, лыхьӡ ҳаздырӡоме, – сҳәеит сара.
– Сара Албена сыхьӡуп, – лҳәеит лара, лныҳәаҿа ахьаажәуаз лгәы иахәаны.
– Ҳкурорт қалақь ахьӡ шәыхьӡызаап, – сҳәеит.
– Иара ахьӡ сара исыхьӡым, аха сара сыхьӡ иара иахьӡуп,
– лҳәеит ларгьы лажәақәа алаф рыҵаҵаны. Сара, уи лафны
илҳәаз џьысшьеит, аха ашьҭахь еилыскааит, ииашаҵәҟьаны
реиҳа имилаҭтә хьӡыс аԥҳәыс хьӡы шахьӡырҵаз ҳара
ҳаамҭаз ииз ари ақалақь, иԥшӡоу хьӡуп, алирика аҵоуп.
Сара сазхәыцуан Аԥсны аҳҭнықалақь. Аԥсшьаҩцәеи ара­
ҟа инхо ақалақь уааи реизыҟазаашьаҿ изызхәыцым шьарда
ирацәоуп. Ааглыхра ахьҿио, акультура иахьазҳауа, адми­
нист­ративтә центр ахьыҟоу ақалақь аҟны асҟак ирацәаны
аԥсшьарҭа ҩнқәеи атурбазақәеи рыҟаҵара иашамзар ҟалап.
Ԥсшьара иаауа иҭахуп амузыка, акәашара, зынгьы ибжьы
нҭыганы ашәаҳәара, игәы аԥсы ашьартә иаамҭа ахгара. Уи
иԥырхагоуп араҟа инхо, иаашар усура ицо аџьажәлар. Аҟәа
ақалақь аҟны аԥсшьаҩцәеи инхои иахьеилаҳаз иахҟьаны,
адәқьанқәа урзыҩналом, автобусқәеи атроллеибусқәеи узрықәтәом, аочаред уахәом, аԥшыха уара иумам, избанзар
уԥсшьаҩым, усура уццакуеит. Абарҭқәа уамак зҭахымыз
ибзиаӡаны иазхәыцит аболгарцәа рҿы. Акурорт қалақь –
акурорт мацара иазкуп. Акурорт амаҵ азызуа раамышьҭахь
уаҩгьы дынхом уаҟа, аа, иаҳҳәап, ишыҟоу еиԥш ҳара ҳҿы

Пицунда. Аболгарцәеи аԥсуааи, ҭоурыхла ҳахьеиԥшқәоу
рацәаӡоуп. Уи зыхҟьаз раԥхьа игылоуп Амшын Еиқәа. Аԥсуаа
ҳаиԥш, аболгарцәа рзыҳәангьы акырынтә аӷацәа ӡыхнагахьан
амшын. Аԥсреи абзареи иҭадыргылеит аҭырқәцәа. Шәышықәсала Болгариа иахаԥан Османтәи аимпериа. Уи ир­
заанагаз ашьеи алаӷырӡи аԥсуаа ирзеиҭаҳәатәым, избанзар
ҳаргьы иаҳхаагахьеит. Иҟалон аболгарцәа, Христо Ботев
ишиҳәаз еиԥш, иҟаӡамызшәа адгьыл ианыӡааргьы, аурыс
ҳәынҭқарра акәмызҭгьы. Аурыс ир ҟалеит аболгарцәа рзы­
ҳәан иԥсеиқәырхаганы. Абри сазхәыцуан сара Шипка
ахәаџа санықәгылаз. Араҟа иқәгылоу абааш ҩ-жәларык
риешьара иасимволуп. Ҳаҭыр ду рықәҵауа, аболгар жәлар
ирхадыршҭуам аурысцәеи дареи реиҩызара зырӷәӷәоз
иналукааша аҵеицәа. Урҭ рзыҳәан иргылоу баҟак анызбалакь,
сара исгәалашәон Аԥсны Урыстәыла адҵара зхы ақәызҵаз
аԥсҳа илахьынҵа...
Болгариа атырқәцәа ирымпыҵҵижьҭеи шәышықәса ҵит.
Милаҭтә ныҳәа дуны иазгәарҭеит абри ахҭыс. Ахақәиҭра
азыҳәан рықәԥара иазкны акино ҭихит Николаи Машьченко.
Иазгәоуҭаша, убри арежиссиор иоуп изҭыхымҭоу раԥхьатәи
аԥсуа телехәаԥшратә фильм «Арҿиара». Абри афақт иҳа­
наҳәо рацәоуп. Амилаҭ дуқәа, зылшареи зкультуреи иаҳа
иҿиаз, амилаҭ маҷқәа рахь иҟарҵо ацхыраара аҟны акәхап
раԥхьаӡа иргыланы иахьааԥшуа аинтернационализм, иа­
хьааԥшуа ленинтә милаҭтә политика.
Ҳазыхынҳәып Албена. Шәахыччаргьы, избаз, исаҳазоуп
исҳәо. Ашара адәы ианаақәлоз, аҽада аҟаабжь саанарԥшит.
Алу Қьааба иугаргьы, лагара агхом ҳәа, араҟа сахьааизгьы,
аҽада аҟаабжьоума исаҳауа сҳәан асасааирҭа аԥенџьыр
салԥшны санынаԥш, Ешыратәи ахәаџақәа иреиԥшыз ахәаџа анаараҿы иҳәуа иаҿан аҽадақәа. Ашьҭахь сыблала
избеит убарҭ аҽадақәагьы аԥсшьаҩцәа рымаҵ аура ишазкыз. Аҽадауардын (ус ҳҳәар ауазар) инаҵаркуеит. Абилеҭ
ахә шәаны унақәтәоит. Акурорт қалақь аҩныҵҟа уцоит
иахьуҭаху.
Ахәахьы сыҩхалан, асасааирҭақәа срыхәаԥшуа сгылан.

Избахьоу аҟазацәа ирҳәоит, Европатәи акурорт қалақьқәа
иреиӷьӡақәоу ируакуп ҳәа Албена. Изла? Раԥхьаӡа иргыланы архитектура аганахьала. Хыхьынтәи уанрыхәаԥшуа,
ашьха хәаџақәа иреиԥшнушьалоит асасааирҭақәа. Иаҳа
урзааигәахар, Египеттәи апирамидақәа угәаладыршәоит.
Зегьреиҳа бзиарас ирымоу, иӡбоуп рхатәы стиль ала, да­
ҽаџьара иубом урҭ иреиԥшу аҩнқәа. Ашәҟәыҩҩцәа аӡәиаӡәи узеиҩымдраауазар, изуҭахузеи ирацәаҩны ашәҟәы­
ҩҩцәа. Дазхоит аӡәы. Убасоуп архитекторцәагьы. Сара уи
сазҟазам, аха акырынтә сазхәыцхьеит Аҟәа идыргыло
аҩн­қәа рархитектура. Кәтык иаҵаз акәтаӷьқәа реиԥшоуп
аҩнқәа реиҳараӡак шеиԥшу. Аа, уажәы лассы-лассы акьыԥхь
аҟны иалацәажәоит Аҟәа азааигәара Маиак аҳабла курорт
ҭыԥны аҟаҵара. Аҳҭнықалақь, административтә-ааглыхратә
центр азааигәара усеиԥш иҟоу акурорттә комплекс аҟаҵара
иахьынӡаиашоугьы уаҩ дазхәыцыртә иҟоуп, аха сара араҟа
зыӡбахә сымоу, џьарамзар џьара статиак аҟны иуԥылом уи,
идыргыларц иззықәԥо акурорттә комплекс, архитектура ага­
нахьала оригиналла аӡбара, даҽакы излеиԥшымхаша, ахатәы
хаҿы шоуша азхәыцра.
Аекскурсиа ҳзымҩаԥигон арԥыс қәыԥш Пиотр Матев.
Иџьа­шьаны ҳаизыӡырҩуан, убас ибзианы идыруан имилаҭ
рҭоу­рых, ретнографиа, Болгариа зегьы аекономика. Уии са­
реи ҳаицәажәарала еилыскаааит ҳарҭ акурорттә республика­
қәа ҳзызхәыцша акы, Софиатәи ауниверситет аҟны иҟазаап
аекскурсиа мҩаԥгара иазыҟазҵо афакультет. Ахԥатәи акурс
инаркны, астудентцәа аекскурсиа амҩаԥгара иаладыргоит.
Дарбанзаалакь астудентцәа зегьы ҩба-хԥа бызшәа ддыр­
ҵоит. Уаҩы изымԥшаар ҟаларын Болгариа иазкны зҵаарак
уи зҭак изыҟамҵоз.
Болгариа аамышьҭахьгьы аҳәаанхыҵҟа сцахьеит, аха
сахьыҟазаалакь исхамышҭуа ҷыдарак рыдызбалеит аболгарцәа. Уи аҷыдара саныхәыҷызгьы игәасҭахьан. Аха сгәы
иаанагон усҟан ҟазшьас имоуп ҳәа аӡәы. Араҟа еилыскааит ишмилаҭтә ҟазшьаз. Аҭара ақыҭан, Аҭара Ахәы ҳәа
иахьашьҭоу аҳаблаҿ иҟоуп ҭыԥк-Чачаа рашҭа ҳәа. Аԥсны

аҳцәа иртәарҭан, ирынхарҭан убраҟа. Абри, Чачаа иашҭа
аҵыхәахьшәа, Кәыдры ахықә инықәырххны нхаҩ бзиак
иҵанакыша аҟара адгьыл Аболгар иқьаԥҭа ҳәа иашьҭоуп
иахьагьы. Ҭаацәарак аболгарцәа нхон убраҟа. Сара исыздыруам урҭ Аԥсныҟа ианықәнагалаз. Иҟаларын, аԥсуа
мҳаџьырцәа рцынҵәарахқәак Болгариа ишнанагаз еиԥш,
ҳлахьынҵа злахьынҵаз дара аболгар мҳаџьырцәақәакгьы
Аԥс­ныҟа иқәнагалазар. Сара сихаануп уаҟа инхоз аболгар­
цәа руаӡәк. Даараӡа уаҩ ҭынчын убри. Дцәажәаӡомызт. Ама­ла
данцәажәоз ихиҿы зегьы ихалашаауан. Гәыразрала иҭҭәаа­
уан илакыҵақәа. Исгәалазыршәаз, абри аҟазшьа рыдызбалон
араҟа, Болгариа сахьааиз, шамаха, саазацәажәоз аболгарцәа
зегьы. Еиҳарак рлакыҵақәа ҵлашаауеит, рқьышә аччаԥшь
ԥшӡа ықәлоит уахьатәиу анроуҳәалакь. Уи егьџьашьатәӡам.
Асовет ар роуп, афашизм рыхҳәаны, ахақәиҭра рзаазгаз. Иара
абраҟа Албена азааигәарагьы асовет солдаҭцәа шаҟаҩы
рнышәынҭрақәа ыҟоузеи!
Ҳгәыԥ иалаз ҩыџьа Болгариатәи ақалақь Толбухинҟа
ицаны иҟан ҽнак. Аҳәаха рибамҭо ус ҿаарҭит ианыхынҳә:
– Атакси маншәаланы ианҳамԥыхьамшәа, хатәы машьынак
аанкыланы ҳашцоз, автоинспектор ҳааникылеит. Ашо­­фер
аштраф ииршәарц дшаҿыз, ҳара ҳашсовет уааз иаҳ­ҳәеит.
Дҳаигәырӷьеит. «Асовет тәылаҿы инхоит сара сызхыл­
ҵыз амилаҭ – аԥсуаа» – иҳәеит уи. Ҳара иаҳҳәеит ҳгәыԥ
аҟынгьы аԥсуаа шыҟоу. Ижәла ҳаиҳәан абра ианаҳҵеит:
– «Авицба» – рҳәеит. Дшырбаз, дахьырбаз, дзеиԥш­­раз,
уаҳа ииҳәаз ҳәа акакала сразҵааит. Аԥсуаа дшыр­хыл­ҵыз
идыруа, аԥсуа жәлагьы ижәланы, дабаанагеи араҟа? Ашьҭахь
сназхәыцит аҭоурых. Ҳҵарауаҩ Г. А. Ӡиӡариа излеиҩуала,
амҳаџьырра иагаз аԥсуаа ԥыҭҩык Варна иӡхыҵит. Хымԥада
убасҟантәи аԥсуаа ирхылҵыз аӡәы иакәын избаз. «Авицба»
ҳәа ажәла ыҟам, аха иҟалап, иара ииашамкәа иҳәазар,
мамзаргьы ианызҵоз ииашамкәа ианырҵазар. Аҩӡбазар
акә­харын. Дшаԥсуоу анидыр, насгьы имилаҭра игәаҿы
имы­цәацзар, хымԥада Варна, ма Толбухин ааигәа-сигәа
џьара инханы иҟазар ҟалоит аԥсуаа. Шаҟа еидысхәыцлаз
иазаауазеи, адырҩаҽны амашьына аанкыланы сцеит уи

дахьырбаз. Сҵааит, сыԥшааит, аха иԥшаара злацәгьахаз, акы,
ижәлаҵәҟьала ашәҟәы данымзар ҟалон, Ҭырқәтәылан инхо
аԥсуаа реиԥш, ҩбагьы, милаҭс дзеиуоу – аԥсуа ҳәа џьаргьы
дарбам. Уаҳа дысзымԥшаагәышьеит.
Аресторанаҿ ашәа иҳәон Михаил Белчев. Уи иашәақәа
руак изкын аҭырқәцәа дырҿагыланы ақәԥараҿ иҭахаз
аболгар ҷкәын. Ҩ-уск рҟны еиԥшызаап ауаатәыҩса зегьы.
Агәырҩа зегьы рзыҳәан илаӷырӡуп. Иччаԥшьуп зегьы рзы­
ҳәан агәырӷьара. Аԥсуа ҷкәынак иашьа аҭырқәцәа дыршьыр
игәаҟра ашәаҳәарала ишихигарыз, убасҵәҟьа иҟан аболгар
шәаҳәаҩ иашәаҳәашьагьы. Уи иашәа исгәаланаршәон аԥс­
уаа ҳҭоурых, иаҳхаагахьоу агәаҟрақәа. Срызхәыцуан уажәы
Аԥсны инхо аболгарцәа. Акыр шәышықәса зыԥсадгьыл
иақәиҭымыз ажәларқәа, милаҭс изеиуазаалакгьы, рашәақәа,
ражәабжьқәа, рфольклор, акырџьара рхәыцшьагьы, рыԥ­
сихологиа уҳәа зегьрыла анык илыхшазшәа еиԥшхоит,
еизааигәахоит.
– Абасҟак иҿиаз акурорт шәмилаҭтә традициақәа ир­
ԥырхагоу? – ҳәа сиазҵааит Михаил, иашәа ҳәаны данаатәа.
– Ҳаҷкәынцәа, ҳаӡӷабцәа, изааӡарызеи ибжьнахқәогьы
ыҟоуп. Аха уаҳа ԥсыхәа ҳамам. Ҳмилаҭтә лагала абжеиҳарак
ахьынтәаауа акурортқәа рҟнытә ауп, – иҳәеит уи, нас лафны
дааччан, ус нациҵеит. – Аа, умбои, абни аҽадагьы ҳара
алагала ҳнаҭоит. – Инапы нақәикит «ҟырԥ-ҟырԥ-ҟырԥ» ҳәа
ашьаҿақәа рыссаны еихго, илеиҩеирц, иԥшыхьырсырц ауаа
зықәтәаз аҽада-уардын зманы инеиуаз аҽада. Гха дуны
ихьгәышьеит, дызмилаҭыз изеилымкаауа, аԥсуак аҽада
дақәтәаны даауан ҳәа А. П. Чехов иахьиҳәаз. Аԥсуа изыҳәан
аҽадақәтәара аҵкыс еиҳау цәаԥҽыга ыҟам.
Акурорт амаҵ аура анаҳҳәа, абраҟа исаҳаз даҽа ҿыцкгьы
салацәажәарц сҭахуп. Софиатәи аконсерваториа аҟны иҟоуп
аестрадатә шәаҳәара иазку афакультет. Даҽа тәылакаҿ
иуԥылом ари. Уаҟа иалгаз, еицырдыруа ашәаҳәаҩцәа, жәлар
рартистцәа, хәылԥазыла ашәа рҳәоит аресторанқәа рҿы. Аха
иҳәатәуп, урҭ акрыфара-крыжәырҭақәагьы ҳара ҳҟны иа­
хьеиԥшым шырацәоу. Иааԥымҵәаӡо аныҳәаҿақәа дәы­қә­ҵо,
аҩы еибаршьуам, ажәала ргәы ԥибаҵәом. Игәыԥсыршьагоуп

араҟа аресторанқәеи асамықьҭанқәеи. Иреиӷьу аконцерттә
зал аҟны иуаҳаша ашәақәа араҟа иуаҳауеит. Аҵх ашарахь
инаскьаанӡа, шәтәаны ижәжәуазаргьы аӡәгьы дышәԥырхагам. Абарҭқәа зегьы ианрыцлалакь амшын, ашьха ҳауа цқьа,
амра каԥхара, убасҟаноуп уаҩы ианиҳәо аԥсшьара бзиа
ҳәа. Гәыла-ԥсыла, цәала-жьыла аԥсшьара бзиа зҭаху дцааит
Болгариа.
Ҳаԥсшьара мшқәа ниасит иҳамбаӡакәа.
Мшқәак анааҵ амҩа ҳақәлеит Румыниаҟа.
Оқтиабр 25, 1978

АГӘЫЛА ИМЦА АԤХАРРА
Вильниус ақалақь салаланы снеиуан. Исзымдыруа қалақьк
аҟны саннеилакь, хықәкык сымамкәа, сахьцо-сахьаауагьы
цқьа исзымдырӡо, бзиа избоит схала ақалақь аналаԥшаалаԥшра. Уажәадагьы саақәахьеит, аха саацыԥхьаӡа ҿыц
иаасыртуеит, уаанӡа исзаҵымдыраацыз ҿыцк аҵыздыраа­
уеит абри, Европа ақалақь ԥшӡақәа ируаку, литваа раҳҭны
қалақь.
Ҭагалара аҽааҩнашахьан. Ахьшәашәара налалахьан, амшын афҩы алшәшәо, Балтикантә иасуаз аԥша. Ақалақьи
аԥсабареи ракәым, аԥшаҵәҟьагьы зынӡаск даҽакалоуп ишасуа араҟа. Игәыԥсыршьагоуп, игәырхашҭгоуп.
Исгәалашәоит, ақыҭан, ҳгәылара Зақара Гәыџьуа ҳәа уаҩы
заҵәык дынхон. Иҩны амца еиқәиҵаӡом, ахьҭа данаклакь,
агәылара дцаны, иҽырԥханы даауеит ҳәа алаф илырхуан.
Убри алаф уажәы зынӡаск даҽакала сазхәыцуан. Амца
дарԥхарц азыҳәан мацара акәхарымызт уи агәылара
дызцоз. Мҿқәак неиҿаижьыр, амца иаргьы еиқәиҵарын.
Даҽа ԥхарран уи агәылара дзышьҭаз. Аԥсҭазаара уадызхало,
иԥсеиқәырхагоу ируакуп убри – агәылара унеины, угәы-уԥсы
рԥханы ахынҳәра.
Абасшәақәа иҟаз гәҭахәыцрақәак срыланаханы снеиуан.

Иаакәыршаны ашәаԥыџьаԥ ахашьшьы, ашьапаҿы ишьац
ԥшқараха Пушкин ибаҟа ахьҭагылоу абаҳчахәыҷ снавсит.
Саԥхьаҵәҟьа рыҽҩышьҭырхит, зеиԥш ҳтәылаҿы имаҷу
архитектуратә баҟақәа. Игәасҭахьеит, абаҟақәа излаџьоушьаша ируакуп урҭ рҽеиҭакра, уахынлеи ҽынлеи реиԥшымра. Ари аныхабаа хымш уажә аԥхьа ианызбаз ҽынлан.
Амра ақәшуан. Еилаарцыруан. Усҟан еиԥш акәымкәа, уажәы
зынӡаск даеа ԥшшәхәык аман. Ажәҩан иаҳа иазааигәахазшәа, аҳаракырагьы иацлеит. Ахәлара ааигәахацыԥхьаӡа,
алашьцара шәацәымшәан ҳәа ауаа иранаҳәарц аҭахызшәа,
иаҳа-иаҳа аҽышьҭнахуан.
Аготика... Ари архитектуратә хырхарҭа раԥхьаӡа ицәыр­ҵит,
егьҿиеит, Франциа аҳәаақәа ирхыҵит, ирылаҵәеит Европа
иреиӷьу аҳәынҭқаррақәа. Акырӡа ихьшәаны акәзаргьы,
ажәохәтәи-ажәафтәи ашәышықәсақәа рзыҳәан Литванӡагьы
иааӡеит. Абар иахылҵызгьы – иреиӷьу аготикатә рҿиамҭа –
аԥсыцқьацәа Аннеи Бернардинскии рныхабаа.
Сныҩналоит, саадәылҵуеит, сгачамкны сахәаԥшуеит. Сеиҭаҩналоит, сеиҭаадәылҵуеит. Сара Вильниус сынхозҭгьы,
мышкы бжьасыжьуамызт абри «ахан хьыҵәцара» снахәам­
ԥшыкәа. Уахәаԥш мыцхәы ухы-угәы анақәбзиоу, уи
иугәаланаршәап адунеи аҿы зегьы аамҭала ишыҟоу. Уахәаԥш
лымшарак уҭашәазар, ухы-угәы ақәмаҷны, ауаатәыҩса, Ан­
цәа иумҳәан, аха гәыхшәарҭас ишьҭухзар. Уи ишьҭнахуеит
угәалаҟара, хәшәыс ирзыҟалоит ухы-ухшыҩ, угәы-уԥсы.
Адунеиаҿ исзеилымкаақәо ҵҩа рымамкәа иаурацәахым,
аха аҟазара амаӡақәа рахьтә исзеилымкаақәо иреиуоуп
абри: избан, ауаатәыҩса рыԥсҭазааратә ҭагылазаашьа
ануада­­ҩу, раамҭа анырцәыцәгьоу, ианырцәыхьанҭоу, аба­
рд­ра ашәҭ анылиаауа еиԥш, убасҟан излацәырҵуазеи
ԥсра-ӡра зқәым, азқьышықәсақәа ирхаанхаша аҟазаратә
рҿиамҭақәа?! Аҿырԥштәқәа ааҳгар ҳалшоит алитература,
архи­­тек­ту­ра, аскульптура уҳәа аҟазара ахкқәа зегьы рҿынтә.
Иҟалап, ауаҩы аҵанӡа даннеилакь, имч-илшара рҽыҩ­батә­ны,
идоуҳатә мчы хышхыҵәаны ицозар ԥхьаҟа, ахара дарԥшуа­
зар. Издыруада, иаауазар убас мацара ишьҭибахуа: ацәеи­жьы
амчымхара ианақәшәалакь, адоуҳа ҵыргәас иҟалауа, адоуҳа

анааԥсалакь, ацәеижьы маакырас аҽыҟаҵауа. Исыздыруам
арҭ сыгәҭахәыцрақәа ахьынӡаиашоу, аха сыбла иабоит, ауаҩы
ес­нагь ԥхьаҟа иԥхьалаша, ауаҩытәыҩса илшара, ихы-ихшыҩ,
ифантазиа ҳәаак шамам изырбалаша, ауаҩы ауаатәыҩса
бзиа излеибалаша архитектуратә шедеврқәа руак. Ахала
исанаҳәоит аготика ахықәкы хада – шаҟа ауаҩы ихы-ихшыҩ
рхәаҽырц, шаҟа ауаҩы дладырҟәырц иаҿыз аҟара, аготика
иаҳагьы ԥхьаҟа, аҳаракырахь иԥхьон.
Литваа ишырҟазшьоу еиԥш, амаӡажәа еибырҳәоушәоуп
амҩасыҩцәа шеицәажәо.
Ҭынчроуп. Аныхабаа иахәаԥшыз ауаҩы, дшанханы да­
наанхалакь, иԥырхагамхарц азыҳәан акәхап араҟа амашьынақәа аиасра изаҟәырхыз сгәахәт. Исгәалашәон, абри,
аԥсыцқьацәа Аннеи Бернардинскии рыхьӡала ажәафтәи
ашәышықәсазы идыргылаз, ҟазаратә хырхарҭала аготика
иаҵанакуа, абри, Европатәи архитектуратә шедеврқәа ры­
ӡбахә анырҳәо, раԥхьа идыргылақәо ируаку акостиол
дахәаԥшуа, Наполеон ииҳәаз ажәақәа: «Исылшозҭгьы, снапсыргәыҵа иқәыргыла иганы Париж агәҭа исыргылон», – ҳәа.
Абас иҳәеит аимператор хамаԥагьа, аныхабаа – изыргылаз
ажәлар ираҭәамызшәа.
Ҩ-машьынак аарла еивысуа иҭшәоу, хаҳә цәиқәаарала
ичаԥоу аулицала, аныхабаа аганахьшәа снавалеит, убрахьынтәи сахәаԥшырц.
Сылаԥш нақәшәеит, хымш раԥхьа абра саныҟаз еиԥш,
уажәгьы иара убри аҭыԥ аҿыҵәҟьа ашәҭҿыцқәа шышьҭаз.
Аӡәы диасны дышцоз ицәкаҳаз џьысшьеит усҟан. Ҵаны, са­
зымхәыцит акәымзар, амҩасыҩцәа урҭ ашәҭқәа ишрывсуаз,
уи ахьышьҭаз ааигәа-сигәа ршьапы шыдмыргылоз ала, акы
ишазҳәаз уаҩы идырыртә иҟан.
Мҩасҩык сиазҵааит. Ҳаицәажәара иҽналаирхәт даҽаӡәгьы. Руаӡәк акы ицәыбжьахар, егьи инациҵон. Сахьазҵааз
ргәы иахәаны акәын ишырҳәоз. Урҭ ирҳәамҭаны исаҳаит,
аухаҵәҟьа сымшынҵа ианысҵеит, ԥсраҽнынӡа исхамшҭыша
ажәабжьк.
Наполеон ииҳәаз ажәақәа ируакын уи исаҳаз.

Аныхабаа иавгоу аулица аҿықә аҟныҵәҟьа, ашәҭқәа
ахьышьҭарҵо, иԥсырҭа ҟалеит акинооператор Иустинас. Уи
дышҭахаз абасоуп.
Аҟазара бзиа избоз уаҩын Иустинас. Адокументтә фи­
льмқәа ҭихуан. Зны иҭихыз афильм аҟны игәеиҭеит аныха­баа
шҵысҵысуаз. Инапаҿы иикыз акинокамера ҵысуаз џьишьан,
ҿыц еиҭаҭихит. Еиҭах, зны-зынла иааҵысҵысуан аныхабаа.
Дазхәыцит. Акинокамера инапаҿы икымызт. Амашьына
иақә­гыламызт. Изықәиргылоз адгьылаҿ иарсны иҭихуан.
Зегьакакәын аекран аҟны, ҭынч ишнеиуа, иаалырҟьаны иаа­
ҵысҵысуан аныхабаа.
Аныхабаа акәша-мыкәша амашьынақәа анымҩамсуаз
инақәыршәаны иҭихт.
Игәеиҭеит.
Изаҟаразаалак ҵысра амамызт.
Иустинас идырит иҟалаз. Аныхабаа инадырххыланы иав­
суеит аулица. Аидарамҩангага машьынак ииасыцыԥхьаӡа,
аныхабаа ҵысуазаап. Уи аҵысҵысра убасҟак ишәарҭан,
шықә­сқәак анааҵлак, ишьшьар, еилаҳар ҟалон аныхабаа.
Иустинас иибаз, еиликааз ашәҟәы ианҵаны аиҳабыра рахь
ишьҭит.
Агәра рымгеит. Убасҟан иӡбеит ҷыдала аныхабаа иаз­
кны акино ҭихырц. Акамера иманы аныхабаа иавагылоу
аҩны ахыб дықәлеит. Иҭихуан аулица анҭацәыз. Ианиҵон
ашьҭыбжьқәа.
Акино аҭыхра дшаҿыз, иразҟыдаӡа, ахыб дҩықәҵәраан,
дҭахеит. Дкаҳаит абраҟа, ашәҭкәа ахьышьҭарҵо аҭыԥ аҿы­
ҵәҟьа. Икамера иҭаз аплионка аус адырулеит иҩызцәа.
Иҭыхны иҟаз аадырԥшит. Аекран аҟны иахәаԥшызар, абар
аџьашьахә. Ааигәара машьына анмиасуа, аныхабаа ҵысӡом,
иҭынчӡа игылоуп. Ашьҭыбжь оумагаха, аидарагага машьынак
шаавалалакь, аҵысҵысра иналагоит.
Аинтеллигенциа ирылаҩҩит, иахәаԥшын иҟаз рбеит. Аи­
ҳа­бырагьы рыхшыҩ азырмышьҭыр амуит. Акинооператор
ииҳәаз шиашаз иԥсрала ишьақәирӷәӷәеит. Уи иԥсы ахҭын­­
ҵа­ны еиқәирхеит аматериалтә культура абаҟа ссир. Аки­
ноопера­тор иԥсы аҿаԥхьа шәашьа змам ауалԥшьа рықәны

ирыԥхьаӡоит литваа. Инышәьнҭраҿ ибаҟа дыргылеит. Араҟа,
дахькаҳаз аҭыԥ аҟны, ашәҭқәа шьҭарҵоит.
Даараӡа уаҩ дзырхәыцша ажәабжьын исаҳаз. Акинооператор иҭахашьа мацара акәмызт игәышьҭыхгаз. Иреи­
хырхәаны иҭабуп ҳәа роуҳәартә иҟоуп ихы зқәиҵаз зыԥсоу
дырны, ихьӡ камыршәкәа иаазго ажәлар.
Исгәалашәон аныхабаа аԥшӡара даргачамкны Наполеон
ииҳәаз ажәақәа. Акиноҭыхҩы Иустинас иҭахарала аимпера­
тор иеиҳәеит аныхабаа иахьахәҭаҵәҟьоу игылоуп, изы­хә­­ҭоу
ажәлар иртәуп, иаҭахханы иҟалозар, ахьчаразгьы ҳхы-ҳаԥсы
ҳаигӡом ҳәа. Уи ифырхаҵара, зыԥсадгьыл зхы ақәызҵаз,
аибашьҩы ифырхаҵара иаҩызан сара сзыҳәан. Убри ансаҳа
инаркны, даҽакалагьы сазхәыцуа, сзаҵымҵуа сахәаԥшуан
литваа ргенира иашьанаха игылоу архитектуратә шедевр.
Исгәалашәон, ахьҭа данаклакь, агәылара дцаны иҽырԥханы даауеит ҳәа ҳгәылак изырҳәалоз.
1982

АНҴӘАМҬА ИАЛАГАМҬОУМАШЬ?
Ажәытәан, абырзенцәа иахлафшәа, абас еиԥш ажәаԥҟак
рҳәон: «Афина дирц азыҳәан, реиҳа ианеиҵаха, иҟазар
акәын Зевс ихшыбаҩ». Амиф излаҳәо ала, Зевс ихшыбаҩ
дҭиааит уи анцәахәы. Еиҭаҳкып уи ажәаԥҟа. Иҟазарц аԥсуа
литература, реиҳа ианеиҵаха, иҟазароуп аԥсуа шәҟәыҩҩцәа.
Иҟазарц аԥсуа шәҟәыҩҩцәа, реиҳа ианеиҵаха, иҟазароуп
аԥсуа ԥхьаҩцәа, иҟазароуп аԥсышәала ицәажәо, иҟазароуп
аԥсуаа рхаҭақәа. Иҟазарц аԥсуаа рхаҭақәа, иԥсуа раҵкыс
ииуа еиҳазароуп. Уи азҵаарақәа ирызҵаароуп, апроблемақәа
ирыпроблемоуп. Ҳазлацәажәо иарбан культура хкызаалак
убрантә аламгашьа амам.
Ҳанхашьа-нҵышьа, амал-амазара аганахьала, уажәы ҳаи­
ӷьны ахаангьы ҳҟамлац рҳәоит абыргцәа. Ҭырқә­тәы­ла­н­тәи
иааз нхаҩык сицны ақыҭаҿы сыҟан. Агәра изымго дазҵаа­­
уан, абарҭ аҩнқәа, анхацәа ирхатәқәаҵәҟьоума ҳәа. Шәрыҩ­

нал урҭ аҩнқәа, ижәбап изакә ҩнымаҭәоу ирыҩнагылоу.
Ажәытәан шаҟа уардын рымаз аҵкыс уажәы амашьынақәа
еиҳауп ақыҭаҿы. Аха абар, ухшыҩ, еилнакааргьы, угәы
зҿагыло аџьашьатә. Иаҳа ианӷарыз, ирыман реиҳа иныр­
хагаз, амалқәа иреиҳаз амал – ирацәаҩны ахшара,
ианбеиаха, ирцәыӡит рхәышҭаара змырцәашаз – ахшара
рацәа. Ацифрақәа гәкажьгоуп. Исҳәап схазы сзызкылсыз
алкаа заҵәык. Сиашамхар – алашә ииҭаху ҩ-блакы. Абыржәы
ҳаҿиашьа шыҟоу ҳцозар, реиҳа ҳанца, ахԥатәи азқьышықәса абжаранӡагьы ҳзымнеикәа, ҳазцәымӷу игәырԥса наҳақәшәан, ихҩааз, ҟата зҵымиааз аҵла еиԥш, ҳхала адунеи
ҳаныӡаауеит аԥсуаа. Ақәӡаара амҩа ишанылаз ажәала
раҳәара, рхы аҭагалара аамышьҭахьгьы, сгәы иаанагоит,
ишьҭыхтәуп ҳәа даҽа қәҵаракгьы. Иԥсуа раҵкыс ииуа
ахьеиҳау амилаҭқәа рҿы, ирҭахызар, ирымазааит уи аҩыза
азакәан, аха аԥсуаа ҳаиԥш аҿиара зыцәмаҷхаз амилаҭқәа,
ииашамхаӡои абас еиԥш азҵаара ықәдыргылар: аҳақьым
ашьауӷа дақәнаршәо, иаԥыхзааит аԥҳәыс лыҽԥыргара азин.
Аԥсуа раионк аҿы ашәҟәы рыҽҭаҩны ҩышықәса уажәаԥхьа
зыҽзырбгаз аҳәса рхыԥхьаӡара ԥшьнызқьҩык иреиҳауп.
Иаҳҳәап, амилаҭ рыхдырра, рҿиара иабзоураны разҟыла,
ақәӡаара амҩа ианыҵит, аҿиара иалагеит аԥсуаа. Убасҟан
лахьынҵас иоурызеишь, уажәы ҳашцо ҳцозар икьаҿхарыма
ҳлитература аԥсынҵры? Аԥсуаа ҳҿы ажәытәан иӷәӷәан,
уажәгьы усҵәҟьа амчхара маҷӡам, ҳабацәа иаҳдырбаз ҳәа
ззаҳҳәало, ажәытәтәи, ақьабзтә культура – еиҳабы-еиҵбыла
аихаҵгылара, жьрацәарала аибабара, ацәгьеи абзиеи рҿы
аидгылара уҳәа, ажәакала, аламыс абзиарақәа рныҟәгара.
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 34
  • Büleklär
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3316
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2349
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3340
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2352
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3345
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2250
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3328
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2316
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3385
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2344
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3340
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2306
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3345
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2368
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3324
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2290
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3285
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2281
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3325
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2308
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3339
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2313
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3318
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2348
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3280
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2285
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3350
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2310
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3316
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2353
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3308
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2351
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3323
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2369
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3363
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2349
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 19
    Süzlärneñ gomumi sanı 3351
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2342
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 20
    Süzlärneñ gomumi sanı 3304
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2412
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 21
    Süzlärneñ gomumi sanı 3400
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2398
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 22
    Süzlärneñ gomumi sanı 3355
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2328
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 23
    Süzlärneñ gomumi sanı 3464
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2309
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 24
    Süzlärneñ gomumi sanı 4490
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1950
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 25
    Süzlärneñ gomumi sanı 4507
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1947
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 26
    Süzlärneñ gomumi sanı 4637
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1904
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 27
    Süzlärneñ gomumi sanı 3881
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2004
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 28
    Süzlärneñ gomumi sanı 3326
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2241
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 29
    Süzlärneñ gomumi sanı 3292
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2241
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 30
    Süzlärneñ gomumi sanı 3355
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2227
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 31
    Süzlärneñ gomumi sanı 3411
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2257
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 32
    Süzlärneñ gomumi sanı 3351
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2322
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 33
    Süzlärneñ gomumi sanı 3328
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2331
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 34
    Süzlärneñ gomumi sanı 3423
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2326
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 35
    Süzlärneñ gomumi sanı 3404
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2300
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 36
    Süzlärneñ gomumi sanı 813
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 627