LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 31
Süzlärneñ gomumi sanı 3411
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2257
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
С. Смирнов Бресттәи абаа афырхацәа рыԥшааразы, рыхьӡрыԥша ашьақәыргыларазы изакә усура дуу имҩԥигахьоу. Уи
ибзоураны иахьа ажәлар ирзырхынҳәуп афырхацәа аӡәыр
ҩы рыхьӡқәа.
Ҳгылоуп Ҳаԥсадгьыл иақәкыз ахымҩас раԥхьаӡа изаахаз
абааш аҭӡамц аҟны. Ҳамҩаԥгаҩ, Брест ахы ақәиҭтәра иалахәыз ауаҩ бырг, амаиор иаҳзеиҭеиҳәоит ари атрагедиаҿы
иҟалаз ахҭысқәа.
Ҳҭалоит абааш аподвалқәа рахь. Ицәгьоуп агәра агара
ублала иумбакәан абраҟа ҳара иаабаз. Планла х-сааҭк рыла
инапаҿы иааигарц акәын аӷа абри агарнизон. Иреиӷьыз
арратә техникала, еибыҭаны иажәлеит. Х-сааҭк рҭыԥан 29
мшы рзы еиқәтәеит аҵыхәтәантәи ахысбжь. Еибашьрак
аҟны уаҩы иимбац, аҭоурых иазымдыруаз, ари аибашьра
атәы рҩуан афашист игазеҭқәаҵәҟьа. Мчымхарала абрантәи
иҭҟәаны игаз асовет еибашьҩцәа, аибашьра ашьҭахь еиҭа
рыхьӡеит усҟантәи анапхгара агәрамгара ирымаз. Абри аза
лымдара иалацәажәон ҳара Брест ҳаныҟаз ашәҟәыҩҩы С.
Смирнови акинооператор Р. Кармени имҩаԥыргаз аиԥылара
аан.
Ҳныҟәара ҩымш азаҳкит ҳара Брест абаа амацара абара.
Абаа аҩныҵҟа иҟоу амузеи аҟны ҳахәаԥшит адокументтә
кино «Бресттәи абаа». Ашәҭқәа ықәаҳҵеит уи аибашьцәа
рҳаҭгәынқәа рҟны. Шәҟәыла акәымкәа, еиҭах блала иаабеит
асовет уаа рфырхаҵара, ажәларқәа риешьара. Бресттәи
аепопеиа иалахәын амилаҭқәа рацәаҩны.
Ахымш рыҽны ҳцеит ақалақь Кобриноҟа. Етажкны еиха
гылоу ӷәтәы ҩны хәыҷык ҳнадгылеит. Ааигәа-сигәа игылоу
аҩнқәа излареиԥшым ҳәа акгьы ыҟам. Амала адәахьтәи
адыԥшылара мацарагьы иунардыруеит аҩны акыр ша
хыҵуа. Агәра узгом абри аҩнхәыҷы аҟны дынхон ҳәа аге
нералиссимус А. В. Суворов. Уаҟа еиҿкаауп аполководец изку
амузеи. Аибашьра аан анемеццәа абри аҩны ҽҭрас иҟаҵаны
ирыман. Ақалақь Кобрино ауаа ирдыруеит даҽа хҭыс дук
алагьы, М. И. Кутузов напхгара зиҭоз ар раԥхьаӡа абраҟа
ааха ӷәӷәа рырҭеит Наполеон ир. Аидыслара ахьымҩаԥысыз
аҭыԥ аҟны игылоуп абаҟа. Аҽны акыр аамҭа ҳаҵан Суворов
ибаҳча. Уаҟа иахьагьы иубоит аџь-ҵлақәа аполководец ду
ихаану.
Ҳмашьына аулица ианыршәланы ицоит. Алымҩанык ҳарҭаԥшуеит абаҳчақәа, ҳрықәыԥшуеит акаршәрақәа. Ҳнеиуеит Беловежатәи абна ду аҟны. Уа иҟоуп еицырдыруа
азаповедник 75 нызқь геқтар зҵазкуа.
Брест инҵәеит ҳныҟәара аамҭа. Амҩа ҳақәлоит дасу
ҳаҩныҟақәа рахь. Ҳәарас иаҭахузеи, сара араҟа ари мызк
тәи аныҟәара аан иаабаз шәыџьара ишаны хәҭакгьы сза
нымҵеит.
Ииашаны ирҳәоит, аныҟәара аан убла иабо аҵкысгьы
иумбац акы уанахәаԥшуа иуоуз агәаанагара, иузцәырҵыз
ацәанырра ауп аус злоу ҳәа. Ҩежәиҩыџьаҩык ҳахьеицыз,
ҳәарада, дасу иман ихатә гәаанагара. Аха акаҿы ҳазегь ҳаиԥшын: ҳгәаҿы акырӡа иазҳаит Ҳаԥсадгьыл ду азы абзиабара.
Абри еиԥш аныҟәара ашьҭахь, џьоукы-џьоукы аҳәаанхыҵтәи
атәылақәа рбаразы ицало еиҳа ухы нарықәкны иуҳәарц
уҭаххоит: шәца, ижәба зны Ҳаԥсадгьыл, ижәбап уи шаҟа
иссиру ҳәа!
Уаҵәы иаҳзыԥшуп «ҳхәышҭаара ду», ари амҩа ссир
ҳақәызҵаз Москва.
Брест-Москва
Оқтиабр 11, 1964
АХЬА-ҴЛАҚӘА ШӘҬУАНАҴЫ
Киев агәҭа иагәылсны ицо амҩаду Крешьчатик ҳаныланы,
Днепр аӡиас шыҟоу ҳнеиуан. Ааԥынра иасакьаҳәымҭоуп.
Ацәа ҿыц ахалоит, еиҭақәыԥшхоит, қәра змам аукраина
дгьыл. Сымҩалаҩ, акинорежиссиор Никәала Машьченко
далацәажәоит ижәлар ржәытә рҿатә. Ибоит ари ақалақь
аԥшӡара схыхны сшамоу. Сааҭгыланы саанаԥшы-ааԥшуеит.
Ҳҿынаҳхоит дасу ҳгәы ҳҭахәыцуа. Иара изыҳәан араҟа акгьы
ҿыцым. Дазхәыцуазар акәхап иаарласны Аԥсны зҭыхра
далагараны дыҟоу акино. Сара исгәалашәоит, саныхәыҷыз,
ҳқыҭан, Аҭара гәылак дҳаман Кадыр ҳәа Хәырхәмалк.
Дџьыҟәын. Иқәрахь днеихьан. Иԥсаҭа шкәакәахааит, уаҩы
ҟәыӷак иакәын. Агәарԥ данааҭалалакь, днаԥшы-ааԥшуа, дԥышәырччашәа ус ҿааиҭуан:
– Угәыла игәарԥ уқәыԥшыр, уара угәарԥ иагу иабзоу
убоит.
– Ҳара ҳгәарԥгьы иагу умбакәан уҟам, аха ухы абзиара
аҟнытә уара утәахьы иааугоит амзар, – иара убасҵәҟьа
дԥышәарччо уи инаиаҭаикуан саб.
– Уара угәарԥ иагу сара сҿы унеир иумбои, – иҳәон Кадыр,
иажәа ҩ-ҵакык шамамыз агәра уиргарц днақәыӷәӷәаны.
Абри сгәалашәеит уажәы, Аԥсны инаҟәыҭханы адгьыл
хараҿы сшыҟаз. Исгәалазыршәаз уиоуп, Киев аҭоурыхтә
баҟақәа, ҳаамҭазтәи аргылара ҿыцқәа, алитературатә, аҟазаратә уҳәа амузеиқәа санрыхәаԥшуаз, сара срызхәыцуан
урҭ Аԥсны инадкыланы. Зегьыҵәҟьа ракәым, аа, абар ҳаԥ
хьа игылоуп жәа-етажкны еихагылоу аҩны. Даҽа қалақьк
аҟны уаҩы иимбац акгьы иалаҟам. Ус угәы иаанагоит раԥхьа
уахьынагәыдыԥшыло. Уахәаԥш аганаҿтәи аҭӡамцаҿ. Уаҟа
мозаикала иаласаны иҟаҵоуп амилаҭтә лахҿыхҩыра. Ԥсыхәа ахьынӡамаз киеваа рықалақь ацәырыхьчеит астандарттә ҩныргыларақәа. Сара исгәалашәон, хырҭәарҭак иааҭыргазшәа еиҩдыраашьа змам аҟәатәи аҩнеихагылақәа,
насгьы ақалақь азыҳәан ицәаԥҽыгаха, аҩнқәеи абарҵақәеи
ирыбжьдоу амаҭәарбарҭа, ацәарҭа амра аҭарҭа ашахақәа.
Инхо ауаа ирхарагәышьоузеи!
Шаҟа шәышықәса ахыҵуазеи сызныланы снеиуа амҩаду Крешьчатик. Алегенда излаҳәо ала, абжьаратәи ашәы
шықәсақәа раан, аславиан жәлар ақьырсиантә динхаҵара
рыдыркыларц азыҳәан, Днепр аӡиас иҭшьны ирнаҭуан.
Убрахь мчыла изланарцоз амҩа иахьыӡхалеит Крешьчатник
(Анаҭырҭа) ҳәа. Сара абри сазхәыцуан. Сымҩалаҩ ус иас
ҳәеит:
– Шаҟа ибзианы иҟашәҵазеи киеваа, абри ахьӡ мԥсахкәа
иахьеиқәшәырхаз!
– Изларҳәо ала, уи ахьӡ аԥсахра изныкымкәан иақәыркқәахьеит. Адинхаҵара иахҟьеит ҳәа ҿарԥас иарҭон. Ирымуит киеваа. Ари ҭоурыхтә хьӡуп. Ажәлар рҭоурых урӡыр
ҟалома! – иҳәеит уи.
– Аԥсуаа ажәытәан ирыман ҵаск, – сҳәеит сара, – ауаҩы
аԥсуа ламыс иаҵанамкуаз акы ҟаиҵар, маҳагьарак иур, ихьӡ
ижәла ихыхны Аԥсны далырцон.
– Иҵас бзиан, аиашаз. Цәгьарак рузшәа, зыхьӡқәа рыԥсахыз ҟалақәеит, аха насыԥла еиқәхеит Крешьчатик, – иҳәеит
сымҩалаҩ дԥышәарччо. Сара сгәы сҭахәыцуан. Исгәалашәон
аԥснытәи қыҭақәак ажәытәи аҿатәи рыхьӡқәа.
Ацәашьы шкәакәақәа рнапсыргәыҵа иандыргылазшәа,
ахьаҵлақәа рымахәқәа быбышӡа ишәҭуп. Урҭ еивҵарыԥхаа еиваргыланы инашьҭуп наҟ-ааҟ амҩаду иаҿықәҵаны.
Рыфҩы лаҳалаҳауа амаҷар-ҩы ужәызшәа уҟаҵауа, ушьауда ирҭанаҵоит ааԥынра. Иара усгьы, милаҭ дук сабик
деицырааӡошәоуп араҟа аҵиаақәа напы шрыдкылоу. Сара
Асовет тәылаҿтәи ақалақьқәа маҷымкәа избақәахьеит.
Абна агәҭа аакылырхааны ақалакь ҟарҵазшәоуп ишыҟоу
Брест, апарк еиужьрақәа рымоуп Ленингради Мински,
ф-нызқьҩык зныкала ашәа ахьеицырҳәо абна-парк рааӡеит
Вильниусаа. Ирацәоуп уаҩы игәалашәаша аҿырԥштәқәа.
Егьа срызхәыцыргьы, Киев еиԥшҵәҟьа аеҵәара иҭалаҳа,
шьаҿацыԥхьаӡа аҵла рымахә еихашьшьы уахьныҵало даҽа
қалақьк сымбацт.
Иаҳхысыз аибашьраан Киев иахнагаз, аукраина жәлар
зҭагылаз ззымдыруада. Уи акәым сызлацәажәо. Ауаҩы
ишьапышьҭа ахьанылаз адгьылаҿ иаҭаххоит ауаҩы инапгьы. Иҟәышу анапқәа. Аԥсабара ма уахьымкьысӡароуп,
уанаалакьысх, ахирург бзиа уиҩызахароуп. Аҳаԥы иҭымҵыц иоуп аҵлақәаҵәҟьагьы ауаҩы инапы шырҭаху ззеилымкаауа. Киев ақалакь агәҭаҿыҵәҟьагьы иубоит, уаҩытәыҩса ишьапы ахьымгылац еиԥш ицқьаны еиқәырхоу
абна ҽыгәқәа. Анс-арс акәымкәа, ииашаҵәҟьаны абна хаҭа
еиԥшқәоу. Урҭ аихатәы гәараанда рыкәыршам, ирывгоуп
амҩахәасҭа хәыҷқәа. Уаҳагьы ииҭахузеи уахь ишылалатәым
идырырц азыҳәан, аԥсы зхоу зегьы раҵкыс дҟәышҵәҟьазар
ауаҩы. Сара урҭ сахьрыхәаԥшуаз исгәалашәон. Аҟәа ақалақь
аҟнытәи апарк цәӷәыхаақәа, Аԥсны аԥсабара. Убасеиԥш сгәы
иаанагеит: аҵла ԥашәла игылазар, ауаҩы аԥсабара далаӡсо,
ԥсыс иханы, иԥсҭазаара ԥашәс иамоу аҵла ахаҭоуп. Идыру
усуп, аҵлақәа ахьықәӡаауа, аҳауа шьаҭанкыла аҽшаԥсахуа.
Ари ас анакәха, Аԥсны иқәынхо ауааԥсыра шаҟа хыдарала
аԥҟара иаҿузеи рыԥсҭазаара зықәгылоу амахә. Иҟалап, аа,
абас ахьаҵлақәа шәҭуанаҵы, аԥсабара аԥсы аханаҵы акәзар
адунеи дахьынӡақәу ауаҩгьы.
Амилаҭқәа еснагь ирымоуп, ршьа-рда иалоуп еицырзеиԥшу, еиҳараӡак еизааигәазтәуа ҟазшьа ҷыдак. Иҟалоит
уи рысасдкылашьа акәзар, иҟалоит рыԥсадгьыл иақәлаз
аӷа иԥылашьа аҟны акәзаргьы. Ҳәарада, мчыбжьы за-ҵәык
аукраин дгьылаҿы аҟазаарала еилкашьа амамызт, иарбан
ҟазшьа ҷыдоу аукраина жәлар егьырҭ амилаҭқәа ирылаз
мырҩашьо, насгьы иарбану еиҳараӡак изларзааигәоу.
Урҭқәа, инықәырԥшны акәзаргьы, реилкаара азыҳәан иа
ҭахын иҵегьы аамҭа. Амала сара сымҩашьо избеит акы.
Аукраина жәлар ссиршәа иаманшәалоуп алаф аҳәара, ҵыхәаԥҵәара змам аӡыхь иаҩызоуп риумор. Уаҟатәи ауаа
быргқәа алаф еибыҳәо ианаатәалак, чарак, ма ҷаԥшьарак
аҟны аԥсуаа ҭаҳмадцәа ааиниаз џьушьап. Урҭ рыччабжь ша
ҟа агәышьҭыхра, аоптимизм алыжжуазеи!
Днепр ахықәахь ҳналбааит. Џьара-џьара аҽынеиҩшаааиҩшо, ҳашьха ӡиасқәа ирыдкыланы иуҳәозар, ашьи-ашьи
еиқәҵо, аукраина жәлар ргәыҭбаара иаҩызаха, иҳалалӡа,
иқәышьшь инеиуеит абысҟак ашәа ссир ззаԥырҵахьоу
аӡиас ду. Уи ҳхыԥшыло, Никәала Машьченкои сареи иаҳгәалаҳаршәоит аԥсуа қыҭан Аҷандара ҳахьыҟаз иаабаз,
иҳаҳаз хҭыск. Ҳсасцәаны ҳаиҭан аԥсҭазаараҿ акыр збахьоу,
изаҳахьоу ауаҩ бырг Царгәыш Арзамеҭ. Аԥсуа ҵасқәа
рзыҳәан еилаҳкаарц иаҳҭахқәаз ҳаҳәаны даналга астолахь
ҳнарыԥхьеит.
– Сара дызбеит зыԥсы ҭаз Цицерон, – иҳәеит Никәала
уажәы уи дигәалашәауа.
– Иуеиҳәазеи уиаҟара? – снаиазҵааит сара, усҟан
еибырҳәаз шыздыруазгьы, еиҭа иҳәар сҭахны.
– Астол ҳнахатәан, раԥхьатәи аҵәца анаашьҭаҳх, сара
даараӡа сазхәыцны, ус ҿаасҭит: «Ҳара, иахьа исасцәаны
ишәҭоу украинатәи аҵеицәа, ишәзааҳгеит Днепр аӡиас ду
агәыҭбаара, ишәзааҳгеит уи ацқьара. Убас гәыкала ҳашә
зыҟоуп!» Аҭаҳмада, иара убри аминуҭ азыҵәҟьа, иӡбаны
имазшәа: «Унарзыԥшишь абанҭ иаҳхагылоу ашьхақәа. Иубома? Цқьа уазхәыцма урҭ ахьынӡаҳараку? Аа, убарҭ рхы
ламырҟәра, убарҭ раҳаракыра шәаҳҭоит ҳара» – иҳәеит уи.
Еиӷьны ҳәашьа амамызт.
Убасҟангьы, ашьхақәа рымҵан ҳтәаны Аҷандара ақыҭан,
акраамҭа ҳалацәажәон аукраина жәлари аԥсуа жәлари
жәытәнатә аахыс реизыҟазаашьа. Аиашаз интересс уаҩы
иикыша акоуп. Макьаназ аҭоурыхҩҩцәа, алитература ҭҵааҩцәа уҳәа аӡәгьы иҽазҵәылхны иҽазимкыц. Уи, ишдыру еиԥш,
аԥшьбатәи ашәышықәсаан, Пицунда иҟан аепископат кафедра. Ус анакәха, ақьырсиантә динхаҵара Аԥсны ашьаҭақәа
аҳахьан. Ҳәынҭкарратә динхаҵараны уи рыдыркылеит аф
батәи ашәышықәсазы. Абрантәи ауп уи адинхаҵара аславианцәа рыдгьылахь ишцаз. Издыруада, уи иабзоуроу рацәазар, жәытәнатә аахыс аԥсуааи аукраинааи еиҩызарала,
еишьарала иахьеизыҟоу. Аҭоурых иадыруеит арҭ аҩмилаҭк
рҳәынҭқарцәа шьалагьы аиуара шрыбжьарҵахьаз. Абраҟа
иаҳгәалаҳаршәап ажәытәтәи аурыс литератураҟны иҟоу
ажәытә жәабжьқәа ҩба – «Вавилонтәи аҳәынҭкарра иахҳәаау
аповестқәа» ҳәа хыс измоу. Шаҟа ҳаҭырқәҵара дула, шаҟа
бзиабарала аԥсуаа ирыхцәажәозеи арҭ аҩымҭақәа рҟны! Иара убасҵәҟьа акырӡа зҵазкуа еиҩызаратә баҟақәоуп Мықә
тәи ҳаԥсуа уахәама. Аҭоурыхҭҵааҩцәеи аҟазара еилкааҩ
цәеи изларҳәо ала, Мықәтәи ауахәама андыргыла ашьҭахь,
уи аргылара иалахәыз аԥсуа уасҭацәа алархәны идыргылеит
Софиатәи ауахәама. Ииашаҵәҟьаны, уахьынаргәыдыԥшыло
иаразнак убла иҵашәоит арт аҩуахәамак архитеқтурала
ишеиԥшу. Напык иҟанаҵеит уҳәартә иҟоуп, қәралагьы,
уамак рыбжьам. Амала, изааӡарызеи, иаҳа напы адкыланы
еиқәырхагәышьоуп. Анапы ахьрыгхаз адагьы, сара сгәанала,
Бедиеи Мықәи ауахәамақәа рҿы афрескақәа рыԥхасҭахара
Аԥсны аҳауа ахьыцәааку иахароу рацәаӡазар ҟалап.
Рымахәқәа аӡы инӡаакьысло, Днепр ихықәгылоуп ахьаҵлақәа. Сымҩалаҩи сареи урҭ ааныжьны ҳнеиуеит. Рыхьтәы хыцәқәақәа амра ахьрықәԥхауа иаҳагьы иҩежьханы,
еилаарцыруа иааԥшуеит Киево-Печератәи алавраҿы иқәгылоу ауахәамақәа. Хыхьынтәи Днепр схыԥшылоит. Срызхәыцуеит Аџьынџьтәылатә еибашьраан аукраина дгьыл ахы
ақәиҭтәразы иқәԥоз апартизанцәа ирылаз аԥсуа фырхацәа.
Днепр аҿы ажәылара аныҟарҵоз уи ирыз аԥсуа еибашьыҩцәа,
насгьы ҳәарада, раԥхьаӡа иугәаламшәар ауам наӡаӡа араҟа
бӷа ҭыԥс изауз аԥсуа ҵеицәа. Иара убасҵәҟьоуп Кавказтәи
ашьхақәа рхы рақәиҭтәразы ишықәԥоз аукраина жәлар
реибашьыҩцәа гәымшәақәа. Сазхәыцуеит уажәы, аҭынчра
аамҭазы, аԥсуа жәлар ирызкны киевтәи акинематографист
цәа иҭырхраны иҟоу акино.
Ҵҩа рымам Аԥсны иаҭаауа асасцәа. Џьоукы аауеит рыԥсы
ршьарц, амра рҽадыршәырц амшын ахықәан, даҽа џьоукых
– аҭыԥ ԥшӡақәа бауа, қьафла раамҭа рхыргарц. Шамахамзар, урҭ зегьы Аԥсны ашҟа етнографиатә интересуп ирымоу.
Ҳамшыни ҳашьхақәеи рыԥшӡара наџьаршьа-ааџьаршьоит,
ҳаҭаҳмадцәа рықәра ахьдуу инеигәырӷьоит. Уиакәхоит.
Аччара, аԥшӡара мап рцәызкуада. Аха уи мацарала инхоминҵуам аԥсуаа. Урҭ ирымоуп рыҩныҵҟатәи рхатәы гәырӷьара, рхатәы гәырҩара, рҿаԥхьа иқәгылоуп имаҷымкәан
ауснагӡатәқәа. Инарҵауланы абарҭ ирзымхәыцыз, уи згәы
ахьаа ҭанамҵаз ашәҟәыҩҩы, егьа иҩыргьы, ииҩуа цәаҳәак
агәра узгом, егьа кино ҭыххаргьы баша аамҭа гагахоит.
Абасеиԥш иҟаз сгәаанагарақәа иасҳәеит уи акино ҭызхуа
арежиссиор. Ҳәарада, сара сҳәатәада ԥсыхәа имамызшәа
акәым ишеилкаатәу. Иара ус, уи акино аҵыхәала ҳгәаана
гарақәа еибаҳҳәарц акәын ҳзеицыз. Абарҭқәа рышьҭахь
акраамҭа ҳалацәажәон аԥсуа жәлар рҭоурых. Агәра згеит
зқьышықәсала иааиуа ҳаҩжәларык реиҩызара ишазнар
ҳауа уи акино.
Ари ауха аҵх акыр инаскьаанӡа ҳалан Киев. Иаашар амҩа
сықәлон Аԥсныҟа. Мчыбжьык ала збара сахьӡаз акакала
срызхәыцуан. Алитературатә музеиқәа, ацәыргақәҵақәа,
аҭоурыхтә баҟақәа... Урҭ зегьы злоуҳәарызеи, шаҟа ирацәоузеи! Сара сеигәырӷьон аукраина жәлар ржәытәра абас
ҳаҭырқәҵарала иахьазныҟәо. Уахынла, афымца лашарақәа
анагәыддырԥхала, аҳаракыра иаҳагьы идухан, иаҳагьы
иԥшӡахеит Мықәтәи ауахәама аиашьеиҵбы Софиатәи
ауахәама. Нас игылазааит урҭ, ҩ-жәларык реиҩызара ду
иасимволны.
Киев–Аҟәа
Ииун 15, 1970
АШӘҞӘЫҨҨИ АԤХЬАҨИ
Иҟалап, аӡәы игәы иалсыргьы, иаахжәашәа иахьысҳәо
абраҟа сызлацәажәарц исҭаху. Аха аӡәи ҩыџьеи ргәы ахь
нымхаша акәым изызхәыцтәу. «Азҩа зӡаз иан дагеит», – ҳәа,
имҳәакәа высшьа змам иалацәажәатәуп.
Еицырдыруа акоуп аԥсуа имилаҭ шаҟа бзиа ибо, шаҟа
дазыгәдуны дахцәажәо. Иарбан столу, иарбан чароу иамы
рԥшӡац, жәытә-натә аахыс: «Аԥсуара Анцәа иныҳәааит», –
ҳәа иаԥу аныҳәаҿа.
Аԥсуа аԥсуара аниҳәа, уаҟа иалоуп иламыс, ичеиџьыка,
ипатуқәҵара, иԥсадгьыл абзиабара, ажәакала, иуаҩра иаҵанакуа зегьы. Сара абраҟа салацәажәарц сҭахуп абри ажәа
иаҵанакқәо рахьтә акы. Уи амилаҭтә литература абзиабара, аԥсуа шәҟәи аԥсуа ԥхьаҩи реизыҟазаашьа азҵаароуп.
Иабанӡеизааигәоу абарҭ иахьа, ҳазҭагылоу аамҭазы?
Еицырдыруа усуп, атеатр аҟны ақтиор егьа ибзианы дыхәмарыргьы, уаҩы иимбац баҩхатәра ссирк ааирԥшыргьы,
арежиссиор егьа ибзианы аспеқтакль ықәиргыларгьы, атеа
тр аҟны ахәаԥшҩы данымнеи, урҭ зегьы рџьабаа башахоит,
аӡымлага иаҩызахоит. Иҟалап, абри иацәыхарамзар ашәҟәи
аԥхьаҩи реизыҟазаашьагьы. Аԥхьаҩ дызмоуз ашәҟәы амҿы
зқәырхыз амца иаҩызаха баша инеиқәыцәа ицоит. Ашәҟәы
автор иаԥиҵоит, уи алахьынҵа рыӡбауеит ауаажәлар ҳәа
иҩуан афранцыз шәҟәыҩҩ ду Виқтор Гиуго.
Збызшәа ҳаҭыр ақәызҵо, змилаҭ бзиа избо ауаҩы иара
ибызшәала ахьхьаҳәа иацәажәо, иара итәы ианаҳәо шәҟәык
аҭыҵра, сгәанала, ныҳәаҵас дазыԥшызароуп. Изааӡарызеи,
асеиԥш иҟоу аԥсуа ԥхьаҩцәа рхыԥхьаӡара еиҳазар ҟалон.
Ҳәарада, аҩажәатәи аҩажәижәабатәи ашықәсқәа раан аҵкыс
хараӡа еиӷьуп. Аха аамҭа ԥхьаҟа ицоит. Есааира ирацәаҩ
хоит аԥсуа школқәа ирылго, аинститут аҟны аԥсуа факультет
иҭнажьуа астудентцәа рхыԥхьаӡара. Ус анакәха, есааира
ирыцлозар акәын аԥсуа шәҟәы иаԥхьогьы. Шәахәаԥш аԥсуа
шәҟәқәа ртираж шаҟа ихәыҷу. Ажәеинраалақәа реизга
тиражла зегьы иреиҳау зқьи хәышә рҟынӡоуп иахьынаӡо.
Апрозатә, алитературатә-критикатә, анаукатә шәҟәқәа ртираж иаҳагьы еиҵоуп. Иара уи атираж маҷгьы неимҵәа
иргондаз! Ашәҟәыҭирҭа магазинқәа унарыҵалар, џьараџьара аԥсуа шәҟәқәа рацәаны кьыс рымаӡамкәа, уаҩы
иахьимбо иқәгылоуп. Изыхҟьозеи, мзызс иаҵоузеи абри?
«Аҩымҭа бзиақәа аԥырҵар иааҳамхәои», – рҳәоит џьоукы.
Ииашоума абасеиԥш зҳәо? Ашәҟәқәа рхаҭабзиароума
изхароу? Ииашоуп, изааӡарызеи, иԥсыҽу, аԥхьаҩ, зинтерес
имкыша ашәҟәқәагьы ҭыҵлоит. Иабыкәу усеиԥш иахьыҟам.
Абзиа ахьыҟоу ацәгьагьы ҟалоит. Урҭ ракәым зыӡбахә ҳамоу.
Ақәра ахьынӡамаҷу, иара убри ақәра маҷгьы, иалагӡаны
иахнагахьоу, аха иахьатәи аамҭазы аҽахьынӡашьҭнаххьоу
акакала еиҿыршәшәаны иазхәыцыз, аԥсуа литература
агәеизҳара инамҭарц залшом. Ииашоуп, аԥхьаҩ иусс иалоу
зеи алитература қәрала шаҟа ахыҵуа, уи амыҟәмабарақәа
иахнагахьоу. Аԥхьаҩ иҭахуп иахьатәи иара игьама иаҵанак
уа, иара идоуҳатә беиара аазырԥшуа аҩымҭақәа. Усеиԥш иҟоу
аҩымҭақәа ҳамоума ҳлитератураҿы? Иҳамоуп! Аԥсуа жәлар
рыӡбахә ахара инаҩхьеит аԥсуа литература иабзоураны.
Аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәа Асовет тәыла иқәынхо ами
лаҭқәа рбызшәақәа рахь мацара акәым, акымкәа-ҩбамкәа аҳәаанырцәтәи абызшәақәа рахь еиҭаргахьеит. Амилаҭ
дуқәа дара рбызшәала иҩуа рышәҟәыҩҩцәа рышәҟәқәа
анҭыҵуа атираж шаҟа ыҟоу аҵкыс еиҵамкәа иҭыҵхьеит
аԥсуа шәҟәыҩҩцәагьы рышәҟәқәа. Ус анакәха, аԥсуа шәҟәы
ахаҭабзиара мацара акәым ари зыхҟьо. Уажәы ааигәа аԥсуа
шәҟәыҩҩки сареи қыҭак аҟны ҳаҟан. Сызцыз ашәҟәыҩҩы
ари ақыҭаҿ ииз, иааӡаз аӡәы иакәын. Ҳнеит анкьа иара аҵара
ахьиҵоз ашколаҿ. Араҟа макьанагьы аус руан аҵара изыр
ҵоз арҵаҩцәа аӡәымкәа-ҩыџьамкәа. Рҵаҩцәас аус руан
иара убас уи ашәҟәыҩҩы аинститут ицалгаз иҩызцәа. Ашкол
аҩналаха ҳамраӡо, игәырӷьаҵәа иаҳԥылеит. Дыззымдыруаз
дыддырдыруан абасеиԥш наҳәаны:
–Ари ҳара ҳашкол далгеит, ҳара ҳқыҭа далҵит.Дышәҟәыҩҩ
духеит, ихьӡ Аԥсны анҭыҵгьы ирдыруеит. – Рҵаҩцәақәакгьы
инацырҵон: – Сара ҵаҩыс дсыман, анбанқәа рҩышьа ани
сырҵоз иахьеиԥш исгәалашәоит. Аа уажәы, иара ихаҭа
ашәҟәқәа ҩны иҭижьуеит...
Иагьиашаҵәҟьаны, ари згәы иамыхәарыдаз. Асовет мч
ра ааиаанӡа арзаҳал зҩышаз ауаҩы цәашьыркыла дахьу
зымԥшаауаз ақыҭаҿ, аа абар, уажәы дара рқыҭа иалҵыз аҵеи
еицырдыруа шәҟәыҩҩны дҟалеит. Иҩымҭақәа акымкәаҩбамкәа аешьаратә республикақәа рҿы иҭрыжьхьеит. Сар
гьы агәеизҳара снаҭон сҩыза абасеиԥш иахьиеигәырӷьоз.
Агәыдеибакыларақәа, икарҵәаӡаны аԥсшәа еибыҳәара
қәа рышьҭахь, уи ашәҟәыҩҩи сареи уаҟа, ақыҭа агәҭан игылаз
амагазин ҳныҵалеит. Уаҟа акыӷәраҿы еивҵарыԥх иқәгылаз
аԥсуа шәҟәқәа ирылагылан ари ашәҟәыҩҩы ишәҟәгьы.
Цырак аақәысхын:
– Абри ашәҟәы шаҟа цыра шәоузеи? – сҳәан снаиазҵааит
аҭиҩ.
– Жәохә раҟара соуит, – иҳәеит иара.
– Акыр ҵуоу ишәоуижьҭеи?
– Ԥшьба-хәба мзы нҵәеит.
– Акгьы шәзымҭиӡеи?
– Цырақәак аархәеит. Уаҳа ргом, сара ишԥаҟасҵагәышьари, – иҳәан ахырқьиара дналагеит аҭиҩы. Иара акыр
ихаразшәа.
Аиашазы, даараӡа иџьасшьеит шаҟа иҿаԥсшәа башаз уи
ашәҟәыҩҩы ирҵаҩцәагьы иҩызцәагьы иарҳәоз аԥсшәа!
Сара агәра згеит, урҭ, реиҳараҩык, рҵаҩы рқыҭа иалҵыз,
изхыҽхәоз рҵеи дышәҟәыҩҩуп ҳәа ҳәан-ҳәахла ираҳахьан
акәымзар, ишәҟәык аақәхны ишамыԥхьацыз. Издыруада,
иҩымҭақәа рыԥхьара иаԥсамзар? Ус иҟазар, егьырҭ абызшәақәа рахь еиҭаганы, тираж рацәала изҭрыжьзеи? Аурыс
критик ду В. Г. Белински иҩуан: «Без публики нет литературы» – ҳәа. Ари иаанагом, ҳәарада, аԥсуа шәҟәы аԥхьаҩцәа
амаӡамшәа. Ус иҟазар, ацәажәарагьы иаԥсамызт, избанзар
аԥсуа литература ҳәа акгьы зыҟаломызт. Аха иахьынӡахәҭоу
ирацәам. Ашәҟәыҩҩи аԥхьаҩи аӡлагара алуқәеи, изырлаго
аӡи реиԥшоуп ишеизыҟоу.
Ашәҟәыҩҩы ишәҟәы анҭыҵ, аԥхьаҩ иҟынӡа иахьынӡанаӡаз идыруазарц иҭахуп. Агазеҭаҿы ианылалоит аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәа ашколаҿ, ма аклубаҿ ишеилдыргаз атәы
зҳәо аинформациақәа. Уи уаҩ дзеигәырӷьаша акоуп, ихәарҭа
дууп. Аха ҩынтәны ихәарҭахоит аилыргарахь автор днаԥ
хьазар. Уи иаанагом, ашәҟәыҩҩы ахьӡ-аԥша дашьҭоушәа,
мамзаргьы дышдырҽхәо иаҳарц иҭахушәа. Ашәҟәыҩҩы
иаҳарц иҭахуп аԥхьаҩ идикылои идимкылои. Усеиԥш
аицәажәара наҟ-наҟтәи иусураҿ ихәоит, насгьы иџьабаа
шбашам, изҭаху ауаа шыҟоу инарбоит. «Изҭахыда исыҩуа»
– ҳәа ашәҟәыҩҩы игәы ианҭашәа – даараӡа илахьеиқәҵагоуп.
Ҳалацәажәап даҽа фақтк атәы. Ҩы-шықәса раԥхьа аԥ
сышәала иҭыҵит Миха Лакрба иҩымҭақәа реизга актәи
атом. Раԥхьаӡа акәны аԥсуа ԥхьаҩ иоуит еицырдыруа
ашәҟәыҩҩы ду иновеллақәа еизакны. Уаҟа ианылеит
уаанӡа акьыԥхь зымбацыз аҩымҭақәа рацәаны. Ашәҟәы
апрофессор Ш. Инал-иԥа ииҩыз аԥхьажәа бзиа ацҵаны,
адәахьала уахьахәаԥшуагьы уааигәырӷьартә еиҿкааны
иҭыжьуп. Еиҭасҳәахуеит, иҭыҵит ҩы-шықәса раԥхьа. Иахьауажәгьы ари ҩажәибжьба рҟынӡа адунеитәи абызшәақәа
рахь еиҭагоу ановеллақәа зну, аԥсуа шәҟәы амагазинқәа
рҿы иубоит. Иашоуп иаархәақәеит, аха зықьҩык аԥхьаҩцәа
амоуӡеит абри ашәҟәы! Иҟалазеи? Изыхҟьозеи, изыҵахозеи
аԥсуа шәҟәқәа амагазинқәа рҿы? Ажәлар идеиала рааӡараҿы алитература аҵакы шаҟа идуу иазхәыцны, иахьауажәгьы ҳара ҳҿы асахьаркыратә литература апропоганда
азураҿы агхақәа рацәоуп. Изыхәҭоу аорганизациақәа иахьынӡарыхәҭоу аус руам. Уи аума изхароу? Аԥсуа жәлар
злацәажәо абызшәеи асахьаркыратә ҩымҭақәа злаԥҵоу
абызшәеи еицәыхарахама? Аахәаҩцәа ахьыҟоу ашәҟәы
зымнеиуама? Шаҟа зҵаара цәырҵуазеи! Ҳахшыҩ еилаҵаны
абри иазхәыцзар, иалацәажәазар, сгәанала, акырӡа ихәа
рҭахоит ҳмилаҭтә гәадура, ҳдоуҳатә беиара ду – ҳлитерату
ра ашьҭыхразы.
Сентиабр 17, 1970
ИААУГОЗЕИ?
Илахҿыхӡа, ақәыԥшцәа аҟәныҳәҳәы, ашәхымс иаахыҵит
ашықәс ҿыц. Усеиԥш ҵасс ирыман аԥсуаа ажәытәан, уа_
ҩы дзеигәырӷьаша ҵасын иара. Ашықәс ҿыц раԥхьатәи
амш азы,ашьжьымҭан шаанӡа, аҭаацәа зегьы шышьҭоу,
аҩнаҭаҿы қәрала иреиҳабу дҩагылон. Афатә хаақәа рыла
ирҭәуан иџьыбақәа, џьамк ианԥсаланы ахырӷ икын, наҟааҟ иҩыҵрақәа ирыҵакын, ӡынгьы-ԥхынгьы зыбӷьы камԥсо
ашымҳа махәҭақәа. Урҭ зегьы акака ирсимволын. Афатә
хаақәа – ашықәс иааиз хьаада-баада, ажәлар ргәы ахаа
шықәу, гәырҩада амҩасра, ахырӷ – ачаӷьа, имарымажаха
аҽаҩра барақьаҭ аира, абӷьы еҵәа – аизҳара, ишәҭыкакаҷны
аинҭәылара, еснагьтәи ақәыԥшра.
Ашә ааиртуамызт иара ихала. Адәахьынтә ҿиҭуан:
– Ашә аашәырты!
– Иааугозеи? – изҵаауан аҩны аҩныҵҟантә.
– Агәабзиара-ахабзиара шәызназгоит. Ашә аашәырты!
– Иааугозеи?
– Ақьиара, агәыразра, абзиеибабара шәызназгоит. Ашә
ашәырты!
– Иааугозеи?
– Шәцақәа аҿҿа-аҿҿа рылго, шәҽы уахьад ҵҩа рмоуа,
шәыԥсаса шәзымԥхьаӡо, шәшьамаҟа шәгәара иамкуа, абарҭ
зегьы шәызназгоит. Ашә аашәырты!
– Иааугозеи?
Акраамҭа даарышьҭуамызт, ашә дылакны дрыман. Дара
зызхьуаз, ирымазарц ирҭахыз зегьы идырҳәон, нас акәын
ашә анизаадыртуаз.
Абри аҵас ҳгәаларшәаны иаҳҳәозар, дасу азин имоуп,
иаҳҭааз ашықәс ҿыц дазҵаарц: «Иааугозеи?» – ҳәа.
Аха убасҵәҟьа азин амоуп иара, ашықәс ҿыц иааизгьы:
«Исзынужьзеи?» – ҳәа ииасыз ашықәс иазҵаарц.
Иҟоуп амилаҭқәа, ашықәс ҿыц ауха, рыҩнымаҭәажәқәа
аҩны идәылырууааны ркажьра ҵасс измоу. Уи мариоуп.
Иабаҟоу, ус ркажьра мариам ауаҩытәыҩса дзышьцылоу,
ишьа-ида иалсны илаҵәахьоу аҟазшьа бааԥсқәа. Аха дара
убарҭгьы ҿҳәарак-ҿҳәарак рымоуп. Аԥсҭазаара ԥхьаҟа инаскьацыԥхьаӡа, ауаҩы ишьклаҳәуа, иԥырхагахақәо хәыҷыхәыҷла ихы рцәигоит, иҟәиблаауеит. Еснагь иҟоуп, инхоит
ахшыҩ иарҿиаз, анапы иалшаз абзиарақәа. Шықәсык аҩнуҵҟала, аҭоурых наӡаӡа иазынхартә, шаҟа хҭыс ду ҟалазеи
ҳтәылаҿы. Шаҟа ирласны иҿиоузеи анаука, атехника! Иара
убасҵәҟьа иазҳалароуп ауаҩы доуҳала ибеиахаразы.
Ииасны ицеит даҽа шықәсык. Дасу ихы дазҵаауеит,
игәалаиршәоит ихамышҭыртә изыннажьқәаз уи ашықәс. Убас
схы сазҵаауеит саргьы. Усҟан зегьраԥхьаӡа исгәалашәоит
ҵыԥх (уажәшьҭа ҵыԥх ҳәа азаҳҳәалап, иацынӡа сынтәа ҳәа
ҳазҿыз ашықәс) украинаа Аԥсны иҭырхыз раԥхьаӡатәи аԥсуа
кино. Иахьанӡа ҳара иҳамамызт, аԥсшәахь еиҭаганы акәымкәа,
ажәақәа аԥсышәала иҩны, ихәмаруа аԥсуа уаҩны, иаҳәогьы
аԥсуаа иҳазкны иаԥҵаз кинок. Уи ҳреспублика аиубилеи
амшқәа раан миллионҩыла ахәаԥшыҩцәа ирбараны иҟоуп.
Москвеи Киеви акинодырҩцәа иахәаԥшыз изларыдыркы
лаз ала, агәра згоит, зегьы иргәаԥхап ҳәа. Исҭахуп, ашықәс
ҿыц рыдныҳәалауа, иҭабуп ҳәа расҳәарц акино «Арҿиара»
аҭыхраҿы аџьабаа збаз зегьы, раԥхьа днаргыланы, хәы змам
аус ду ҳзыҟазҵаз арежиссиор Николаи Машченко.
Анхаҩы заа идыруеит иарбан мзоу, иарбан мшу имхырҭа
дынҭагыланы аҳәиҵәҳәа ажәла аниҟьо. Аҽаҩра барақьаҭ
ҭеигаларц азыҳәан имхы напы агижьуам. Аус злоу, аҳауа
абзиахароуп, аҭаҳмадцәа рҳәашьа, ажәҩан изылԥхароуп.
Ашәҟәыҩҩы издыруам, аҽаҩра зхылҵраны иҟоу ажәла игәа
ҵа ианҭашәаз, издыруам, иахылҵуа аҽаҩрагьы зеиԥшрахо.
Аха уигьы имоуп иара ихатә ҳауа, ихатә гәалаҟазаара, убри
акәхоит изыбзоурахо иҽаҩра абарақьаҭхарагьы.
Абзиарақәа имоу ҟәнызшьо, урҭ пату рықәҵашьа, рыхә
ашьашьа иақәымшәо, еиҳау иоу акәым, уаанӡа имазгьы
неимпыҵышша ицәцоит. Ҳәарада, еиҳаны иалшаргьы ҟалон, аха иаԥҵоу аҩымҭақәа рылагьы, ҿыӷәӷәала иаҳҳәар
ҳалшоит, иаҳхысыз ашықәс иалагӡаны ҳаԥсуа литература
иаланагалаз аҩымҭа бзиақәа маҷым ҳәа. Есааира Аԥсны
аҳәаақәа ирхыҵны инаскьоит ҳҿахәы ҳәага, – ҳажәа сахьарк.
Слымҳа иҭаҩуеит:
– Ашә аашәырты!
– Иааугозеи?
– Дасу инапы злаку аус бзиақәа импыҵаманшәалахартә
агәабзиара, ажәҩан цқьаӡа, аҭынчра аамҭа, иқьиоу аамҭа,
агәыҭбаара шәызназгоит. Ашә аашәырты.
– Бзиала уаабеит, ашықәс ҿыц!
Ианвар 1, 1971
АЛИТЕРАТУРА ЗДА ԤСҬАЗААРА АМАМ
Абиԥарак иаҵанакуа ашәҟәыҩҩцәа ирылшом милаҭк
рлитература арҿиара, азырҳара. Аӡиас ҭамбарц азыҳәан,
есааира иалаҭәозароуп арҩашқәа, аӡыхьқәа. Убасоуп алитературагьы. Уи есааира иаҵагылозароуп абаҩхатәра
змоу аҿар. Абаҩхатәра – ԥсабарала ауаҩ ициуа, ишьаида иалоу кәицуп. Акәиц хәышҭаарак мырцәо, алҩаҵә
хәхәаӡа иҩанашьҭыртә, ауаа рыгәқәа арԥхартә еиқәылар
алшоит. Усҟан зегьы алаҽхәо, зегьы рзыҳәан хәы змам
малхоит. Ианаамҭоу напы анадкыламхагьы, иахьныҵхахаз,
изеибамкӡакәа инеиқәыцәоит. Убри аҟнытә, абаҩхатәра
аиуак злоу, иааиԥмырҟьаӡакәа ицхраалатәуп, амҩа иаша
дықәҵалатәуп.
Абри аусԥшьаҿы Аԥснытәи ашәҟәыҩҩцәа реидгыла иҟанаҵо шьарда ирацәоуп. Араҟа иааиз ашәҟәыҩҩы қәыԥш
иҩымҭақәа неимда-ааимдо, иаҳа аԥышәа змоу ашәҟәыҩҩцәа
аԥхьоит. Ибзиарақәа иддырҽхәалоит, гәшаҭарала иарҳәоит
игхақәа, иаԥсоу аҩымҭақәа акьыԥхь рбарц азыҳәан иацхраауеит. Автор далахәны, ашәҟәыҩҩцәа рацәаҩны иадыԥхьаланы, еиҿыркаауеит ашәҟәыҩҩ қәыԥш иҩымҭақәа
реилыргара.
Иҟоуп ацхыраашьа даҽа формакгьы. Еицырдыруа ҳаԥсуа
шәҟәыҩҩцәа рхы аладырхәуеит ақыҭақәеи ақалақьқәеи
рҟны еиҿҟаау алитературатә кружокқәа. Уаҟа ашәҟәыҩҩы
алитературатә ԥсҭазаара далацәажәоит, рҩымҭақәа еилир
гоит.
Сынтәа Москва Алитературатә институт иалгеит аԥсшәа
аҟнытә аурысшәахь аиҭагаҩцәа ргәыԥ.
Ҳара ҳлитература аӡыргаразы, уи Аԥсны анҭыҵгьы
ирдыруа иҟаларц азыҳәан, даараӡа аҵанакуеит, усеиԥш
иҟоу аиҭагаҩцәа разыҟаҵара. Имаҷым Москвеи Қарҭи уҳәа
иҭыҵхьоу аҩымҭақәа. Аха сара сызҿу, еиҭагоу реиҭагашьа
ахаҭабзиароуп. Зны цәаҳәа-цәаҳәала еиҭаргоит, нас шәҟәыҩҩык, ма аԥсшәа ззымдырӡо еиҭагаҩык еиҭеигоит. Абасала, ҩынтә-хынтә инадырҳәы-аадырҳәуеит. Аус злоу, иара
злаԥҵоу абызшәаҟны ишыҟоу, иахьынӡазалшо еиқәырханы
аиҭагароуп. Абри зегьы хшыҩзышьҭра азуноуп Алитерату
ратә институт аҟны изеиҿыркааз аиҭагаҩцәа ргәыԥ. Ҳгәы
иаанагоит, уаҟа иалгаз алитераторцәа, рмилаҭтә литература
аҿаԥхьа ирыду ауалԥшьа анагӡаразы аџьабаа рбап ҳәа.
Абри агәыԥ далахәын Геннади Аламиа. Уи ихатә хәыц
шьа, ихатә дунеиқәыԥшылашьа иманы, иҵауланы ихәыцуа
поет қәыԥшуп. Апериодикатә кьыԥхь аҟны дықәгылақәа_
хьеит ихатәы жәеинраалақәа рыла. Уажәааигәа иҭыҵит
иажәеинраалақәа реизга хазы шәҟәны. Г. Аламиа ипоезиа
атехника аганахьалеи, иажәеинраалаҟны ииҳәарц ииҭаху
аԥсуа ԥхьаҩ еиликаартә аҩраҟны иӷәӷәаны ихы аус ади
улароуп.
Ацентртә журналқәеи агазеҭқәеи лассы-лассы лажәабжьқәа рнылоит урыс бызшәала аҩра иалагаз Еҭери Басариа.
Макьаназ зхатәы ҩышьа форма шьақәзмыргылац шәҟәыҩҩы
ԥҳәысуп уи. Аха аус злоу абаҩхатәроуп. Абаҩхатәреи уи
иақәнаго адырреи лара илымоуп. Аҵла ԥашәда изгылом.
Сгәанала, амилаҭтә ҵаҵӷәы зцәыӡыз аҩымҭа, егьа напҟазарала иҟаҵазаргьы, дгьыли жәҩани рыбжьара икнаҳахоит.
Еҭери Басариа иҵегьы дазҿлымҳазароуп лҩымҭақәа иргәы
лазартә амилаҭтә ԥсихологиа.
Аиҭагара аусураҿы ақәҿиара бзиақәа имоуп Денис
Чачхалиа. Уиаӡә заҵәык иоуп, ишиашоу аԥсшәа аҟнытә аурыс
бызшәахь аԥсуа жәеинраалақәа еиҭазгахьоу. Ари даараӡа
ихәарҭа дууп. Иҟаиҵашагьы шьарда ирацәоуп.
Ҩбаҟа шықәса роуп иҵыз раԥхьатәи иажәеинраалақәа
иманы ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ашә даахыҵижьҭеи апоет
қәыԥш Рушьбеи Смыр. Иажәеинраалақәа араҟа акырынтә
иаԥхьахьеит, еилдыргахьеит. Раԥхьатәи ишәҟәгьы хазы
шәҟәны иҭыҵит. Р. Смыр аԥсшәа цқьаны, ибзианы идыруеит.
Ажәлар ирҿаԥыц ҳәамҭоушәоуп иажәеинраалақәак шцәажәо. Аха апоет ихы аус адиулароуп илитературатә гьама,
идырра, иеилкаара иҵегьы арҵаулараҿы.
Ашәҟәыҩҩцәа реидгылахь рҩымҭақәа рыманы иаауеит,
аԥсышәала мацара акәымкәа, аурыс бызшәалеи қырҭ
бызшәалеи иҩқәогьы. Урҭ рхыԥхьаӡарагьы маҷӡам. Есы
шықәса ақырҭуа шәҟәыҩҩцәа ҿарацәа ражәеинраалақәа,
ражәабжьқәа хазы шәҟәқәаны иҭыҵуеит.«Атәылаҿацә иаҵәа»
ахьӡҵаны ҵыԥх ашәҟәҭыжьырҭа «Алашара» аҟны иҭыҵит
урыс бызшәала иҩуа, Аԥсны инхо апоетцәа ражәеинраалақәа
еизакны. Ари аизга ахәшьара бзиа аиуит, ацентртә кьыԥхь
аҟны. Сгәы иаанагоит, иаамҭоуп ҳәа урыс бызшәала алитературатә журнал, мамзаргьы альманах аҭыжьра азҵаара
ақәыргылара. Аурыс бызшәала иҩуа рымацара ракәым,
аԥсуа литература азыҳәангьы даараӡа ихәарҭахоит усеиԥш
иҟоу ажурнал. Иреиӷьу аҩымҭақәа зегьеидгылоутәи аԥхьаҩ
ишҟа анагаразы, ҳаԥсуа литература апропаганда азуразы уи
ацхыраара ду ҟанаҵоит.
Еицырдыруа усуп, ашәҟәыҩҩцәа ҿарацәа реиҵааӡаразы
изакә џьабааз ихы иаирбоз М. Горки. Шәкыла, зқьыла рхыԥхьаӡара рацәоуп уи аҿар рҩымҭақәа ирызкны ирзиҩуаз
асалам шәҟәқәа. Баҩхатәрак зманы иибоз дицхраауан, аха
акгьы илҵуам ҳәа ииԥхьаӡазгьы, иаахтны иеиҳәон иузаԥсам,
уаҟәыҵ, даҽа уск уалага ҳәа.

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 32
- Büleklär
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3316Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23490.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3340Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23520.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3345Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22500.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3328Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23160.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3385Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23440.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3340Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23060.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3345Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23680.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3324Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22900.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3285Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22810.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3325Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23080.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3339Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23130.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 12Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3318Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23480.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 13Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3280Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22850.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 14Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3350Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23100.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 15Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3316Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23530.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 16Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3308Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23510.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 17Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3323Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23690.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 18Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3363Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23490.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 19Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3351Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23420.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 20Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3304Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24120.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 21Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3400Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23980.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 22Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3355Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23280.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 23Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3464Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23090.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 24Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 4490Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19500.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 25Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 4507Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19470.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 26Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 4637Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19040.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 27Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3881Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20040.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 28Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3326Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22410.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 29Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3292Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22410.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 30Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3355Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22270.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 31Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3411Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22570.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 32Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3351Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23220.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 33Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3328Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23310.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 34Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3423Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23260.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 35Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3404Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23000.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 36Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 813Unikal süzlärneñ gomumi sanı 6270.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.