LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 30
Süzlärneñ gomumi sanı 3355
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2227
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
амаӡам. Ргәы камҳаӡарц, зынӡаск адгьыл ианымӡаарц азыҳәан, ирзыҟалаз амшмыхәла иаарԥсыҽшәа, инахлафшәа,
изыниахзеи, уамак иауақәшәах амҳаџьырра иагаз, уахь еиӷьуп
ҳәа анрарҳәа, ииашаҵәҟьаз џьшьаны, инықәҵны ицеит, уаҳа
уамак ҟамлеит ҳәа нарҳәа-аарҳәазҭгьы, ишнеи-шнеиуаз,
игәеиқәҳәалагаз аҿаԥсшәа, Хәаџьа Шьардын имц ихаҭа агәра
анигаз еиԥш, ҳашәҟәыҩҩцәақәаки ҳҵарауаақәаки агәра рган,
аҵабырг еиԥш, иааганы иҳарҳәо иалагеит. Сгаӡажә дышҭахаз
сызҳәа, иара даԥсамызт, аха рхабзиара аҟнытә дысзырҵәуааит
ҳәа, зԥа дҭахаз, иишьҭыз ашәаџьҳәаҩ, дахьнеиуа, абригьыабригьы ауаа ҷкәын гаӡажәк диман, иаԥсамыз аӡәы иакәын,
аха шәнеи, дышәҵәуа ҳәа разҳәаз ашәаџьҳәаҩ иҩызахеит урҭ.
Аҟәыӷацәа ирҳәоит, ҭаҳмада бзиак иԥсра, библиотекак
абылра иаҩызоуп ҳәа. Уи аӡәы иԥсра. Иабанаӡои жәларшьҭрак рықәӡаара. Ажәытәӡатәи аҭоурыхҩҩцәа изларҳәо
ала, Аԥсны ага инхон агениохцәа (сгәанала, ага инхо ҳәа
иахьрышьҭаз аҟнытә иаауеит рыжәларшьҭра ахьӡ) ҳәа
изышьҭаз жәларшьҭрак. Урҭ злеишәа цәгьаз, амшынаҿ ақәыларақәа мҩаԥызгоз, хыларҟәра ззымдырӡоз џьоукы ра-кәын.
Анцәа идырп аҭоурых аҭагәҭасраҿ иарбан аамҭоу урҭ ана
лаӡыз. Ҳәарада, убарҭ рықәӡаара инацны ицеит амшынтә
фольклор аиҳарак. Ԥсҳәаа, ахҷыԥсаа, асаӡқәа, далаа,
ҵабалаа, абжьаҟәаа, ҵҟыбынаа, дәҳәыбынаа, гәмаа уҳәа
аиланхарҭа дуқәа анықәӡаауаз инарыцны иқәӡааит ҵҩа
змамыз ажәабжьқәа, алегендақәа, ашәақәа, акәашарақәа.
Амҳаџьырра иахҟьаны, хыԥхьаӡарала ҳшыбжатахаз еиԥш,
ҳабжатахеит доуҳатә маллагьы, адоуҳатә баҟақәа рылагьы.
Уажәы иаҳзаанхаз, акырӡа ихьшәаны ианҵоу ҳфольклор
ал-агьы, иарбан милаҭтә фольклорзаалак акы ашьҭахь ҳгыл
артә ҳаҟам. Иаҳцәыӡыз ҳцәымӡкәа ианаамҭаз ианҵазҭгьы
иахьынӡанеиуаз шәазхәыц.
Аамҭа иқәнаргылаз зҵаара дууп, азҵаара хадақәа ируакуп ҳхы-ҳҵыхәа адырра, ҳҭоурых аҭҵаара. Асовет уаа
ҳхықәкы хада ашҟа ацара, уи амҩа лаша ҳахьықәу, иаҳагьы
ихәарҭа духоит ажәытәра адырра. Ари аус аҟны амилаҭқәа
хыԥхьаӡарала имаҷу, ирацәоу ҳәа еилых рымам. Асовет уаа
зегьы зинла ишеиҟарам еиԥш, зинла еиҟарам ажәларқәагьы.
Ауаатәыҩса рҭоурых аҿы зеиԥш ҟамлаӡацыз ҳреволиуциа
дуӡӡа шьаҭанкыла иаԥырнамхит ауаа социалла реиҟарамра.
Аха уи иаанагом, убри аҽны инаркны иқәӡаазшәа абза
мыҟәра. Изхысҳәаауа, иаҳԥылалоит ҵарауаақәак, абасшәа
ихәыцуа: хыԥхьаӡарала имаҷу ажәлар рҭоурыхгьы дуум,
хыԥхьаӡарала шаҟа ирацәоу, убасҟак идууп рҭоурыхгьы
ҳәа. Ари аҩыза атеориа иқәныҟәо аҵарауаҩ, ашовинизм
дадгылоит ҳәоуп иаанаго.
Имԥсыша аџьма амаҵә азылаҟәуеит ҳәа, аԥсуа жәлар
гәаҟрас иҟаз зегьы рыхгауа, лабак шьҭырхыртә зҽааибызҭоз
аимпериақәа дара ишынархыкәласуаз, рыдгьыл ҿаҵа ишынахырбаауаз, рыдгьыл гәакьа ршьа шнықәдыркьасоз, ирызгылеит ишьаарҵәырахаз аҩажәатәи ашәышықәса. Ари
ашәышықәса ҟалеит марксизм-ленинизм иагаз аиааира
иашәышықәсаны. Ақьырсианра, аԥсылманра, анцәа рацәара уҳәа иарбан динхаҵаразаалак ишынеибакәу зегьы рыхшыҩҵак хада акакәын: амҵахырхәара, ауаҩы иуаҩра аларҟәра, уара ухы уаԥшәмам, уара ухыхь дыҟоуп аӡәы, уара
иууалу уи иҿаԥхьа ахырхәароуп, уԥсы ахьынӡаҭоу шаҟа
угәаҟуа, шаҟа аџьамыӷәа цәгьа ухугауа, убасҟак қьаф ууеит,
џьанаҭ уцоит удунеи ануԥсахлак. Абри еиԥш иҟаз аидеологиа аҭыԥан иааит ауаҩы дышуаҩу иазҳәауаз аматериалисттә
философиа. Ажәырҭра улсны адәышкәаӷьаз уанаақәгылалак,
уцәашәҵатәы иахьынҳалаз амыӷқәа, амыркыџьқәа наҟ умаҭәа иалхны ишкаужьуеиԥш, цәгьамзар бзиа рзаазымгацыз
адинхаҵарақәа зегьы наҟ рҟәыблаара, иаарласны аҽры
цқьара иалагеит аԥсуаагьы. Абри апроцесс мҩаԥысуан хьаа
дук ҟамҵакәа, хылҟьа-ҿылҟьа дуда, шьакаҭәарада.
Аԥсуа иԥсадгьыл аԥсабаратә беиарақәа, уи аҳауа зҩыда,
адгьыл кәазара уҳәа ирыбзоураны,убас ишоу уаҩуп,дҿазҳәауа,
длазырҟәуа, иарбанзаалак акгьы игәаҵахь инеишьҭуам, идикылом. Ишьамхы заирсрыз, амла иара дакуамызт, амалмазара ианакәызаалак мыцхәы дашьҭамызт. Арахә-ашәахә
шаҟа иҭахыз иман. Агәыхә азыҳәан арыц ахьынкаиршәуаз
имарымажаха ииуан. Ауаҩы иҽшьуа аус иуеит, аус имукәан
хныҟәгашьа имамзар. Аџьабаа тәыс ихы зеиҭарызеи, џьабаа
мыцхәык мбаӡакәа ихы ныҟәигартә идгьыл дныҟәнагартә
иҟазҭгьы иҭагылазаашьа. Изхысҳәаауа, ԥсабарала анхаҩы
ицәтәымын классла аиҟарамра, ԥсабарала ицәтәымын адинхаҵарақәа.
Даҽакгьы. Жәаа шықәсазы Асовет мчра аиааира агеит
Аԥсны. Уи ҩынҩажәа мшы заҵәык ракәын еиқәханы ианыҟаз. Ихәаҽхеит иара аԥсуаа ирыдрымкылакәа акәым,
Аԥсны анҭыҵтәи амчқәа рыла, адәахьтәи аӷацәа рыла. Аҭоурыхҭҵааҩ иҳәоит иҟалаз афақт, аха ашәҟәыҩҩы иҟалаз
аҭоурыхтә фақт мацара изхом, уи еиликаарц иҭахуп иҟалаз
зыхҟьаз, мамзаргьы ус акәымкәа, даҽакалагьы иҟалар
шалшоз. Изхысҳәаауа, избан, Кавказ егьырҭ ажәларқәа зегьы рҟны аасҭа, аԥсуаа рҿы Октиабр Ду аидеиақәа еиҳа
иаарласны аиааира загазеи? Изакә дгьыл чашәрахазеи
Аԥсны, урҭ аидеиақәа анынкашәаҵәҟьа, имарымажаха
иҩагылартә еиԥш? Иҿажәкуа аныҟәаҩ, аӡыхь днахагылар
иаҩызахеит аԥсуаа рзыҳәан Октиабртәи ареволиуциа аи
деиақәа. Иақәгәыӷит ирнаҭоит ҳәа зқьышықәсала аԥсуаа
ззықәԥоз – амилаҭтә хьыԥшымра. Октиабр аидеиақәеи
адинхаҵареи, шьакаҭәарала изеиҿамгылазеи ҳара ҳҿы?
Аԥсуаа адинхаҵара дунеихаан ирыламкәаны, мамзаргьы
аԥсуаа шынеибакәыз зегьы Октиабр аидеиақәа ахьеи-
лыркаази ирыбзоураны акәым ус изыҟалаз. Убригьы аиҳарак изыхҟьаз, ҳгәанала, адинхаҵарақәа реиҭныԥсахлара
иахҟьаны, дара адинхаҵарақәа дара-дара ахьхибашьаахьаз,
дара-дара рымчқәа ахьеибармаҷхьаз ауп.
Ҳиашахом, ҳарҭ, аматериалисттә дунеихәаԥшра иааӡаз,
иахьатәи ҳаамҭа аҳаракырантә ҳнаԥшны, шәшаҟәыҵра,
аԥсуаа ианакәызаалак динхаҵара ҳәа акгьы рыламызт ҳәа
ҳҳәар. Ари иаанаго ҳҭоурых ма азымдырроуп, мамзаргьы цасҳәа аилахәароуп.
Иҟоуп џьоукы, аԥсуаа ажәытәан адинхаҵара рылан ҳәа
роуҳәар, аԥсуа жәлар лаурҟәызшәа згәы иаанаго. Қьырсианразааит, ԥсылманразааит, иарбан динхаҵаразаалак акгьы
ргәаҵахь имнеизар, сгәанала, урҭ уаа машьцақәан, ибнауаан.
Афранцызцәа, аиталианцәа, абырзенцәа уҳәа Европатәи
ажәларқәа иуаа шьҭахақәоума? Адунеизегьтәи аҵакы змоу
ацивилизациа зырҿиаз жәларқәоуп. Аматериалисттә дунеихәаԥшра цәырҵаанӡа, урҭ ажәларқәа зегьы официалтә идеологиас ирымаз ақьырсиан динхаҵара акәын. Ибнауааума
Мрагыларатәи аҳәынҭқаррақәа рҿы инхауа ажәларқәа? Ацивилизациа дуӡӡа зырҿиаз жәларқәоуп. Урҭ ԥсылманцәан.
Адинхаҵара зыҽны иааҵысыз аҽны инаркны, атеизми иареи
еиҿагылан, шьаарҵәырала еинымшәо иаауан, убри аиҿагылара иаиааины ауп аматеариалисттә философиа ажәларқәа
рхы-ргәахьы ишнеиуаз.
Иарбан жәларызаалак инҭырҳәыцааны рҭоурых ҩхарц
азыҳәан, ражәа рҳәахьазароуп археологцәа, аетнографцәа,
аетимологцәа, аепиграфистцәа, антропологцәа, аҭоурыхдырыҩцәа, аҟазараҭҵааҩцәа, афилологцәа уҳәа еиуеиԥшым аҵарадыррақәа знапы рылаку аҟазацәа. Мышкызны,
иахьынӡахәҭоу иҭҵааны ҳҭоурых аныҩхалак иҳаҭәазымшьақәогьы, ирымҳәар ԥсыхәа рмоуа иҟалоит аԥсуаа рҭоурых
аисберг еиԥшзаап ҳәа. Аисберг аӡы иҭыҳәҳәауа, убла иабауа
маҷкоуп, аиҳараӡак ҵәахуп аӡаҵаҟа.
Ҳагәҭахәыцрақәа ҳанрылагоз алагамҭақәа ҩба ҟаҳҵазар,
убас иагьхҳаркәшап.
Актәи алгамҭа
Ауаҩы ихы дахлафуазар, ихы маҷк иуморла дазыҟазар,
изаҳауа рҿаԥхьагьы дарԥшӡоит, ихаҭагьы аԥсҭазаара ахьанҭара ашьҭыхраҿы акырӡа ицхраауеит. Аха ауаа сырччоит,
мамзаргьы,сызҭахым ргәы ҟасҵоит ҳәа алафи аиумори ирцәыхароу иҟам-ианым аҳәара далагар, изаҳауа ихнарччоит,
ицәа ԥнаҽуеит. Ухаҭа ухы аҳаҭыр ақәҵареи ужәлар рҭоурых
ламыс цқьала азнеиреи аҩбагьы акоуп. Зҭоурых иашаны
иззымдыруа, ирхәанчаны издырҵаз, изыцәдырӡыз ауаҩы,
зыԥсадгьыл иалхәдартәыз диҩызоуп.
Аҩбатәи алгамҭа
Еиҭаҳҳәахып еицырдыруа ахшыҩҵак. Асахьаркыратә
иашеи аҭоурыхтә иашеи акы акәым. Урҭ аҩбагьы ирымоуп
рхатәы иашақәа. Зегьы иреиӷьу – урҭ аҩ-иашак анеиԥылалак,
ҩ-рҩашк еилаланы ӡиаск анрылҵуа еиԥш, иашак анрылҵлак
ауп. Ҳәарада, ҭоурыхтә фақтк ихы инархәаны, ихатәы фан
тазиа нацырхырааны, ахҭҳәаара азин имоуп ашәҟәыҩҩы,
аха уи ифантазиа, ихҭҳәаа ицәаԥҽыгахартә еиланамгозароуп
ижәлар рҭоурых. Абас ицәаԥҽыганы еилагоу, ирҩашьоу ҭоу
рыхтә фақтны избоит амҳаџьырра атема шьарда ирацәаны
ҳаԥсуа сахьаркыратә ҩымҭақәа рҿы. Ҳашәҟәыҩҩцәақәак
уаҟа иеиԥшхеит зхылԥа ыршәны ирылазҵаз.
Аҩажәатәи ашықәсқәа раан иаԥҵаз аҩымҭақәа рыла
ҳналаганы ари азҵаара ҳзалацәажәаз, аԥсуаа жьаны амҳаџьырра иргазшәа, ихҭҳәаау атеориа цәаԥҽыга иахьа уажәгьы имԥсӡац азыҳәан ауп. Ҳшымгәыӷӡо ҳазқәымгәыӷӡо
ашәҟәыҩҩцәа, аҵарауаа, ажурналистцәа раԥҵамҭақәа рҿы
инцәырҟьа-цәырасуеит. Асеиԥш иҟоу жәлары еицырзеиԥшу
азҵаара ду аҿы, нцәагьы дыҟамзароуп, ныхагьы ыҟамзароуп.
Ҿыц ицәырҵыз, иҩыҵхахаз ақәыԥш ихьзар уи агха, дад,
ухы уахыччарц уҭахызар, уи уара иуусуп, аха аԥсуаа
рҭоурых ахыччара азин умам ҳәа иаҳәатәуп, абырг ихьзар,
уажәымҭыҽха узнылаз амҩа абӷаларҭахь укылнагоит ҳәа
иаҳәазар, иаргьы ҳицхраауеит, ҳаргьы иаҳзеиӷьуп. Асеиԥш
иҟоу азҵаара ду аҿы иҟазароуп авторитет заҵәык – иара
ахаҵкы Аиаша. Аҭоурыхтә иаша, асахьаркыратә иаша.
1981
АСАС ИБЛАЛА
Арҭ анҵамҭақәа рҟны аԥхьаҩ ибом астатистикатә
цифрақәа, ибом абри ахҭыс ҟалеит абри ашықәс азы, абри
амш аҽны ҳәа иазҳәо арыцхәқәа. Урҭ реилкаара мариоуп
амҩақәҵагақәа рыла. Иааҳартрым усеиԥш иҟоу ашәҟәқәа,
уамак ҳаизыӡырҩрым аекскурсиа мҩаԥгаҩгьы. Ҳрыхәаԥшып
ҳтәыла ҭбааҭыцә ду ареспубликақәак, аобластқәак, ареволиуциа шәҟәыла издыруа, аибашьра ахәшәблы зҿамсыц
ауаҩ қәыԥш иблала.
1964 шықәса август мза аналагамҭаз шарԥазык Москва
Белоруссиатәи авокзал инадҵит Вильниусҟа ицоз адәыӷба.
Абри адәыӷба авагонқәа руак ашәаҳәара, агәырӷьа-ччабжь
ааихымсыӷьуа иҭыҩуан. Уаҟа иҭан Москва, Ленинград,
Ташкент, Казан, Уфа уҳәа ҳтәыла ақалақь дуқәа рҟнытәи,
еиҳау аҵараиурҭақәа ирҭоу астудентцәа. Милаҭ рацәала,
еиуеиԥшым ақалақьқәа ирылҵыз абарҭ аҿар еиқәнаршәеит,
«шәца, ижәба шәыԥсадгьыл» ҳәа раҳәаны амҩа иқәнаҵеит
еицырзеиԥшны ирызгәакьоу «ахәышҭаара ду» – Москва.
Убарҭ астудентцәа ртуристтә гәыԥ салахәын саргьы, абарҭ
ацәаҳәақәа шәзызҩуа.
Адәыӷба Москва иацәыхарахацыԥхьаӡа ҳхәыцрақәа
рызцон ҳаԥхьаҟа иаабараны иҟоу акымкәа, ҩбамкәа ақалақьқәа, ақыҭақәа, машьынала, дәыӷбала, шьапыла, нышьла
иаҳзыԥшу аныҟәара.
Адәыӷба нықәсит Москва-аӡиас ацҳа. Абар Фили
ҳәа изышьҭоу аанҿасырҭа. Абраҟа ауп «Филитәи аилацәажәара» ахьӡны аҭоурых иазынхаз, М. И. Кутузов хадас
дрыманы Москва алахьынҵа аӡбаразы аурыс генералцәа
имҩаԥыргоз аилацәажәара ахьымҩаԥысыз. Уи аилацәажәара ахьымҩаԥысыз анхаҩы Фролов иҩнаҿы уажәы
амузеи еиҿкаауп. Агәашәаҿы игылоуп М. И. Кутузов ибиуст.
Аанҿасырҭа Фили ахьыҟоу ақыҭа Кунцево аҭоурых иадыр
уеит акырынтә араҟа В. И. Ленин дахьаахьаз алагьы.
Кунцево аамҭала инхон, аҩымҭақәа аԥырҵон аурыс
культура акорифеицәа, ашәҟәыҩҩцәа: А. С. Герцен, И. С.
Тургенев, Л. Н. Толстои, Ф. М. Достоевски, акомпозитор дуӡӡа
П. И. Чаиковски, асахьаҭыхыҩцәа: И. Н. Крамскои, В. Г. Перов,
А. К. Саврасов уҳәа аӡәырҩы. Араҟатәи аҭоурыхтә хҭысқәа,
аԥсабара аԥшӡара, ԥаса ишқыҭа кҿахаз, уажәы ишқалақьу,
аметро шнагоу уҳәа урылацәажәаны, абраҟа мацара иазкны
изумыҩрызеи инеиҵыху аочерк, аха ҳара иаҳзыԥшуп амҩа
хара. Аа, абри ҳҳәонаҵы ҳдәыӷба аадгылеит аанҿасырҭа
Перхушково. Егьа ҳаццакуазаргьы, араҟа маҷк ҳаанымҿасыр,
«аслан зымбаз» ҳаиҩызахоит. Москва-аӡиас арӷьаратәи
ахықә иаваршәны ҳҿынаҳхап. Ҳахьынаскьо ҳнадгылоит
уамак идум ҩнык. Абри аҩнаҟны дынхон, иԥсҭазаарагьы
далҵит А. М. Горки. Абри анаҩсан ишьҭоуп даҽа ҳаблак, уаҟа
иҟоуп раԥхьатәи аурыс ԥҳәыс – ахимик И. В. Лермонтова
лынхарҭа. Уи анхарҭа дсасны даҭаауан, анаукатә усурақәа
мҩаԥылгон еицырдыруа аматематик С. В. Ковалевскаиа.
Еиҭах ҳаанҿасцәеит. Ҳцалап. Аанҿасырҭақәа, ақыҭақәа:
Жаворонки, Кубинка, Тучково, Дорохова... Ҳцалап? Мап,
араҟа авсшьа ыҟам. Абронза далхны ахаҳә дықәгылоуп
иқәыԥшӡоу ԥҳәызбак. Лнапқәа ырҵәины лышьҭахь иҿаҳәоуп.
Лхы хтуп, лшьапы хтуп, дыргәаҟуп, аха улзааигәахацыԥхьа
ӡа лдоуҳатә мчы иаҳа-иаҳа иуныруеит, лыбла ихубаалоит
шәара зқәым агәы шлызҭаз – ари, иахьа абас ҳгәырӷьо-ҳаччо
Ҳаԥсадгьыл ду ҳара иаҳтәызарц зыԥсҭазаара иамеигӡаз
Зоиа Космодемианскаиа илзыргылоу абаҟа ауп. Уажәгьы
илҳәошәа угәы иқәыҩуеит уи анемец фашистцәа лыхәда
ашаха анынахадыршәуаз илҳәаз ажәақәа: «Шәымшәан,
шәықәԥала, аҩызцәа!..» Уамак инацәыхарамкәан иҟоуп
Асовет Еидгыла Афырхаҵа Зоиа Космодемианскаиа лзы
аҩны-музеи.
Ҳавсны ҳцоит аанҿасырҭа Шаликово. Иззымдыруада В.
И. Ленин ашәарыцара бзиа ишибауаз. Дцон абнахь абџьар
аашьҭыхны. Аха уи дызцоз ԥстәык, ԥсаатәк ашьразы акә-
мызт. Анхацәа рацәажәара, анхацәа ргәаҳәарақәа зеиԥшроу
аилкаара азы акәын. Аа, абри ақыҭа акәын уи дыззаалоз.
Изныкымкәан дрыҿцәажәахьан, «шәарыцаҩ» сасны дырҭаахьан авожд дуӡӡа абраҟатәи анхацәа.
Адәыӷба ажәытәтәи аурыс қалақь Можаиск ааныжьны
ишнеиуа ашьшьыҳәа инадгылоит аанҿасырҭа Бородино.
«Бородино» – абри ажәа заҵәык иҳанаҳәоит фырхаҵара
дуӡӡак аҭоурых. Ашколхәыҷқәа инадыркны зегьы ирдыруеит
ари афырхаҵара иахҳәаау М. И. Лермонтов иажәеинраала.
Ашьшьыҳәа ҳнадгылоит аурыс еибашьцәа рзы иргылоу абаҟа.
Абан иахьынтәиаауаз Наполеон ир. Абар иахьынтәирԥылоз
аурыс ар, Кутузов напхгаҩыс дызмаз. Абраҟатәи амузеи
иазынхеит Наполеон Москва иқәиргыларц ииҭахыз ибиуст.
Хыԥхьаӡарала ирацәоу абаҟақәа иаарылукаауеит агранит
иалхны иҟаҵоу аобелиск. Уи изкуп М. И. Кутузов. Аобелиск
иахагылоуп абронза иалху ашьауардын. Уи амҵәыжәҩа
дуқәа еиҵыхны, ашьаԥхыцқәа адаԥа-бӷьы иалху авенок
рымпыҵакуп. Улаԥш иабо уахашәалан ахәыцра уаӡар иугәаламшәарц ҟалом Александр Невски иажәақәа: «Кто с мечом
придет, от меча и погибнет». Шаҟа ибзиаз абарҭ ажәақәа
ргәаладыршәозар анемец фашистцәа. Урҭ абри адгьыл
иақәлеит. Ииашоуп, иагьрымпыҵархалеит акыр. Аха уи
аамҭала акәын. Цәгьарала иааз цәгьарала иҭахеит. Наполеон
ир рыԥсышьа рыԥсышьахеит. Еиҭаиит анемец фашистцәа
иқәрыблааз ақыҭа. Даҽа знык адунеи ианардырит аурыс
дгьыл атәра ишҭамло. Бородинотәи адәаҿы, Кутузов ибаҟа
уамак инацәыхарамкәан игылоуп иҿыцу абаҟа. Уи рызкуп
фырхаҵарала абраҟа иҭахаз асовет еибашьцәа.
...Ҳдәыӷба цоит ԥхьаҟа, амраҭашәарахь. Аԥенџьыр ҳалԥшны ҳахьынаԥшуа ҵыхәаԥҵәарада дәеиужьроуп, каршәроуп.
Ҳалаԥш акыр инацәыхараны ҳамҩа иаваршәны ицоит абна.
Ҳаԥшуп уажәымзар-уажәы абна аихамҩа иазааигәахоит ҳәа,
аха ишацәыхарац иацәыхароуп. Ҳҩызцәа руаӡәк изымычҳазт,
ҳамҩаԥгаҩ диазҵааит:
– Адәыӷба иацәшәошәа, абас мацара ихараны изавоузеи
абна? – Ҳамҩаԥгаҩ иҟаиҵоит аҭак:
– Анемец фашистцәа абри аихамҩа рымпыҵархалеит.
Ҳар хьаҵуан аамҭала. Аха араҟа аибашьра еиқәтәамызт.
Апартизанцәа анемец ир амҩа рзыркуан. Аихамҩа ԥхасҭартәуан аӷацәа решелонқәа зықәымныҟәарц. Убасҟан афашистцәа абри аихамҩа ду зегьы иаваршәны наҟ-ааҟ хәкилометрк иацәыхараны абна аиуа ыҟамкәа иқәдырхааит,
иқәрыблааит.
Адгьыл, абна, ауаа – иҟам акгьы аӷа хәымга ишҳам
зхьымӡаз ҳәа. Ҳаргьы ҳрызцоит анемец-фашисттә мҵарсҩцәа
рҟнытә рхы иақәиҭхеижьҭеи ҩажәа шықәсхыҵра азгәазҭауа
ареспубликақәа.
Ицоит адәыӷба Смоленсктәи аобласт иаҵанакуа акаршәра
иқәԥраа. Иугәаламшәарц залшом К. Симонов иажәеинраала
ацәаҳәақәа: «Ты помнишь, Алиоша, дороги Смоленшьины...»
Смоленшьина... Уи аҭоурых иадыруеит аибашьратә фырхаҵарақәа рыла. Уи адунеи иадыруеит ахьӡ-аԥша ҭызгаз
аҵеицәа рыла. Ари адгьыл рыԥсадгьылуп еицырдыруа
аныҟәаҩы Н. М. Прожевальски, аҵара ду змаз аҵиааӡаҩы
В. В. Докучаев, акомпозитор М. И. Глинка, ҳаамҭазтәи апоетцәа А. Твардовски, М. Исаковски, аскульптор С. Т. Коненков...
ус шаҟаҩы!..
Ҳаццакып ҳамҩа харахь. Аанҿасырҭақәа акы, даҽакы...
Сишь, абраҟа ҩ-ажәак ҳамҳәар ҟалом. Ари аанҿасырҭа
Гжатск ауп. Егьараан дыҩуа абри аанҿасырҭаҿ даахьан
ма аӡәы диԥыларц, ма иҭынхак днаскьеигарц, егьараан
ихаҭагьы абраҟа адәыӷба дақәтәахьан уажәааигәа Гжатск
аӡбахә адунеи зегьы иахзырҵәаз аԥырҩы – акосмонавт И.
А. Гагарин.
– Аа, абри амҩа уаныланы ушнеиуа унадгылоит Гагарин
дахьиз аҩны, – инапы рыхханы иаҳирбоит ҳамҩаԥгаҩ. Аӡәы
иаацәыригоит акосмонавтцәа рашәа. Ашәа иамҽханакуеит
авагон. Ҳдәыӷба надгылоит ақалақь Виазма аҿтәи аанҿасырҭа. Абри ақалақьгьы рымпыҵахалан анемеццәа. Абраҟантәи Гитлер адырра иҭан: «Ақалақь Виазма наӡаӡа адгьыл
ианыхуп» ҳәа. Шаҟа ирзымдыруази анемец фашистцәа
асовет уаҩ дзакәыз. Ҷоҭкгьы ашьа камҭәацшәа, ԥенџьыркгьы
асаркьа ԥымҽыцшәа иқәԥраа ицо игылоуп ари ақалақь
иахьа. Абри аҩыза ублала ианубалак, ууаажәлар рыбзиабара
иацлоит угәаҿы.. Абри ауп изахьӡу Аԥсадгьыл адыррагьы.
Иааигәахоит ахәлара.
Уаҵәы ашьжьымҭан ҳналагылоит аешьаратә республика
Литва аҳҭны қалақь – Вильниус.
Ҳахыԥарым иаҳҳәахьоу аԥҟара. Абри ақалақь ашьапы
ркит абри аамҭазы, абарҭ реиԥш иҟаз ахҭысқәа ахнагеит
абарҭ ашықәсқәа рзы ҳәа арыцхәқәеи ацифрақәеи еиқәаҳаԥхьаӡарым.
Шаҟа иажәаԥҟа ҟәышузеи ҳаԥсуа жәаԥҟа: «Бла иабо-хы
иаԥсоуп». Иҟалап, ари ажәаԥҟа раԥхьаӡа изҳәаз абла иабо
зегьы абз ишазеиҭамҳәо агәра анига акәзар ианиҳәаз. Аӡбахә
исаҳахьаз ала сгәы иаанагон Вильниус аулицақәа ҭбаа-ҭыцәӡа, ахан дуқәа етажрацәала еихагыланы, еихҳәа-еиҵҳәа иҟоу
қалақь дууп ҳәа. Заа еиқәсыршәахьаз агәаанагара аахнарбгалеит сыла иабаз. Реиҳа иҳараку аҩнқәа ԥшьба-хәба етаж
роуп иахьеихагылоу. Уажәы аргылара иаҿуп ҩны заҵәык
жә-етажкны еихагылоу. Ари аҩны уажәнатә ахьӡшьара
арҭахьеит «ахацәа заҵәқәа рыҩны» ҳәа. Ас зазышәҳәазеи
ҳәа ҳиазҵааит ҳамҩаԥгаҩ, Виқтор Пиотр-иԥа Ужкальнис.
– Ҳақалақь иаздырӡом алифт. Ас иҳаракны шьапыла
дзыхәном аԥҳәыс хьанҭа. Убри аҟнытә, уи аҩнаҿы аҳәса змам
ахацәа нхалааит ҳәа иаҳлафуеит, – иҳәеит дааԥышәырччан.
Ҳаиҟәаҵып амҩаԥгаҩ. Ҳалаланы ҳҿынаҳхап ҳхала.
Иашоуп, архитеқтурала иахьеизааигәоу рацәоуп Ригеи
иареи, аха Вильниус архитеқтуратә стильқәа хкы рацәала
еилаԥсоуп. Араҟа иуԥылоит аготикатә, убас абарокко, аренессанс уҳәа, шамахамзар Европа иааҟалахьоу астильқәа
зегьы рыхкык-рыхкык. Абас ишеилаԥсоугьы, ақалақь аизҳараҿы иӡбаны ишьҭыхыз ԥҟарак шыҟамызгьы жәытәнатә
аахыс ари ақалақь ҿиауан ауаҩы гәыла-ԥсыла иԥсшьара
зегьрыла иазхәыцуазшәа. Убас иласуп, иманшәалоуп. Иаагап
ҿырԥштәык. Шәара ишәҭахуп иаашәхәарц агазеҭқәа, ма
ажурналқәа, аха ишәҭахуп иаашәхәауа заа иааихшәырԥхьарц, шәнахәаԥшырц. Шәыҩнал амагазин – аԥхьарҭа. Амагазин агәҭа игылоуп еихых-еиҵых астол. Аҭӡамц аҟны иҟоу
авитринақәа рҿы иқәуп ҳтәылаҿи, асоциалисттә тәылақәа
рҟны иҭыҵуа агазеҭқәеи ажурналқәеи. Ишәҭаху аақәхны
шәахәаԥш, шәаԥхьа. Ишәгәаԥхақәаз шәыманы шәанцо шаҟа
рыхә жәгауа акассир иналаҳәан, ахә налыҭаны шәцоит.
Иаҳҳәап, ахәылԥаз усурантәи шәаауеит, шәахьымӡеит агазеҭ
аахәара, хьаас иҟашәымҵан, атроллеибус, ма автобус аҟны
акондуқтор аблеҭқәагьы лҭиуеит, агазеҭқәагьы.
Уаҩы иџьеишьаратәы иблахкыгоуп Ленин ихьӡ зху ашҭа
ҭбааҭыцә, аҿар еиҭарҳаз, ирааӡаз, рыхьӡқәа зху абаҳча.
Ашьхақәа, аҟәаԥа-ҿаԥарақәа ирышьцылоу аӡәы шәакәзар –
шәыхәна Гедиминас ихәахьы. Ари ахәы иаашәгәаланаршәоит
Баграт ибаа ахьықәгылоу Аҟәатәи ахәы. Уи шәнықәгылар
иаашәыкәыршаны шәыҵаҟа инышьҭалоит Вильниус. Ақалақь ацентр ахь шәхы аашәырха. Шәарӷьарахьтәи араион
асоциалисттә Вильниус ҳәа иашьҭоуп. Уаҟа имҩаԥысуеит
аргылара ҿыцқәа. Шәармарахь – ажәытәтәи Вильниус. Абрантәи ибзианы ижәбарҭоуп «гашьа амазар снапсыргәыҵа
иқәыргыланы Парижҟа изгон» ҳәа Наполеон иззиҳәаз
аготикатә стиль ала иргылоу Анна лкостиол (уахәамоуп).
Ашәаҳәареи акәашареи бзиа избауа аӡәы шәакәзар, Литва
мыцхәы ишәеигәырӷьоит. Араҟа жәеизаҩык рахьтә аӡәы
дшәаҳәаҩуп. Шәымшәан, ашәаҳәарҭа шәмоур хәа. Аиндустриатә раион шәалсны шәҿынашәха абна-баҳча Вингис
ашҟа. Араҟа ижәбоит 20 нызқьҩык знык ашәа еицырҳәартә
иҟаҵоу аконцерттә естрада.
Арҭ анҵамҭа хәыҷқәа ҳанрылагоз иаҳҳәеит аҭоурыхтә
хҭысқәа ҳрыламлакәа ҳахәаԥшып ақалақь иахьа ишыҟоу
ҳәа. Аха егьа ԥҟара ҟаҳҵаргьы Аџьынџьтәылатә еибашьра
гәаламыршәашьа амам. Улашәызароуп уагьдагәазароуп уи
аӡбахә умаҳарц, иугәаламшәарц азыҳәан. Иԥшьоуп рыхьӡ
ҳабацәа, ҳанацәа, ҳашьцәа, ҳара, иахьа абас ҳгәырӷьо-ҳаччо, ақалақьқәа ҳанрылс-аарылсуа, ҳамшәо-ҳмырҳауа, Ҳаԥсадгьыл ҳара ҳақәиҭны ҳаҟазаарц азыҳәан зыԥсҭазаара
иамеигӡаз. Ҳхылԥақәа ҳхыхны ҳаҵаланы ҳнеиуеит еихашьшьы-еиқәышьшьы игылоу абаҳча. Ҳнадгылоит асовет
еибашьцәа рҳаҭгәын. Араҟа шәҩыла акәым, зықьҩылоуп
ишырацәоу анышә иамадоу рхыԥхьаӡара. Иаркуп наӡаӡа
имыцәауа амца. Апост иқәгылоу асолдаҭцәа реиԥш, ауаҩы иоура иаҟараны радла игылоуп аҵлақәа туиа ҳәа
изышьҭоу. Ашәҭқәа, ашәҭқәа... Иахьагьы-уахагьы абраҟа
иқәырҵоит ашәҭқәа... Ҿымҭ-ԥсымшьа ҳгылоуп еицу аҿар,
дасу игәанала иуеит аҭоуба: Аԥсадгьыл иаҭаххозар абра
анышә иамадоу рыхьӡ даԥсахарц иаргьы... Абри аибашьра
иахҟьаны 700 нызқьҩык аԥхеит Литва. Шаҟа қалақь, шаҟа
қыҭа ықәырхызеи афашистцәа абри адгьыл аҿы. Абри
аҟара зхызгаз ареспублика, иахьа ишыҟоу уанахәаԥшлак
иџьоумшьарц залшом уи ажәлар рымч-рылшара.
Ари адгьыл иқәсны ицоит еицырдыруа аӡиас Неман.
Аурыс изыҳәан – Волга, аԥсуа изы – Кәыдры, алитовец изы
– Неман. Ирацәоуп иблахкыгоу абна ԥшӡарақәа, улаԥш
зхьымӡо акаршәрақәа, сабшала, мҽышала вильнусаа ԥсшьара иахьцо Тракаитәи аӡиасқәа рҟны. Нышьала ҳархын ҳар
гьы мышкы абарҭ аӡиақәа, нас ҳцеит литватәи адгьыл ибырлашха ақаруа аақәзыԥсо амшын Балтика ашҟа... Мап, акгьы
ихамышҭит ауаҩы изыҳәан ари, литватәи адгьыл «зшаз!».
Есҽны иазҳауан уи агәыблра, абзиабара ҳгәаҵа иҭалаз.
Ҳахьнеилак иҳаигәырӷьаны иаҳԥылон уи амилаҭ.
Ҩажәиҩыџьаҩык еицыз ҳҟнытә дыҟамызт аӡәгьы абраҟа
иҵегьгьы аанхара зҭахымыз. Ахәымш рҽны апаранхьча
ипаран ала ҳныригеит аӡиас Нерис. Ҳаԥхьаҟа иаҳзыԥшуп
атурист имҩаҳәа ззырҳәаҵәҟьо амҩақәа: Белоруссиатәи
абна-ккарақәа, урҭ рӡиақәа...
***
Аԥсадгьыл адырразы иазхом ауаа рбара, рыҿцәажәара,
ишынхо-ишынҵуа аилкаара. Иазхом ақалақьқәа, ақыҭақәа
дәыӷбала, ма машьынала рылсра.
Аминуҭқәа реиԥш ицоит асааҭқәа, аметрқәа реиԥш –
акилометрқәа... Акилометрқәа шәкы, ҩышә, хышә... Иласуеит амашьына иахьынӡалшо. Арныҟәаҩ инапқәа мырҵысӡо
ҭынч аруль икуп. Лассы-лассы иуԥылоит асовет еибашьцәа
рҳаҭгәынқәа, рбаҟақәа. Абар ҳаавалеит баҟак. Ҳааҭыҵуеит
амашьына, ҳахәаԥшуеит абаҟа. Апостамент ҳаракы иқәгылоуп, имҵәыжәҩақәа еикәаԥсаны ашьауардын еиԥш
дԥыррашәа иҟаҵоу афырхаҵа М. Ф. Гастелло ибиуст.
Ари адгьыл (Белоруссиа)аҟны афашистцәа ахәра знырым-
ҵаз ҳәа акгьы аанымхеит, Аӡиасқәаҵәҟьагьы рӡышьҭрақәа
еилаган.
Ҳамҩа макьана нҵәашьа ақәым ҳәа ҳгәы каршәны ашәа
ҳәара ҳшаҿыз абнеиужьра агәҭа иаангылеит ҳмашьына.
– Ҳааит, шәылбаа.
Ҳмашьына агәы нҳархазшәа, иаақәгьежьаан илықәхәаша
ицеит. Абнара... Ҳахьынаԥшы-ааԥшлакгьы бнароуп. Алакә
аҟны ишырҳәо еиԥш, абна агәҭа ҳнартәаны ицеит.
Ҳарҭмаҟқәа ҳнарыҵалеит. Ҳахьаанаскьаз абнара ҳныл
сит. Рыгәра сзымгеит сыблақәа... Абнара ҳахьнылсыз ахықә
сымбаӡо сынхыԥшылеит... амшын.
– Абри ауп аӡиа Нароч. Абелорусцәа Каспиа хәыҷы ҳәа
изышьҭоу, –иаҳзеиҭеиҳәеит амҩаԥгаҩ.
– Аӡиа анышәҳәа, иаабац ӡиак иаҩызаз џьысшьон, ари
заҟароузеи!..
– Иаабац ҳәа узҿу Кавказтәи у-Риҵа акәхап. Умыҽ-хәаӡан,
ҳаргьы иҳамоуп уи аҩыза. Убас иагьахьӡуп: Белоруссиатәи
Риҵа.
Адырҩаҽны, ҳара ҳзы ирхианы иԥшыз анышьқәа ҳнарықәтәеит.
– Белоруссиа иамоуп 4 нызқь рҟынӡа ӡиа. Уажәы ҳара
ҳхылоит аӡиа дуқәа руак – Нароч...
Иасуеит аԥша. Мшынҵас ицәқәырԥоит аӡиа.
...Нышьак аҟны ҳақәтәоуп ԥшьҩык: ҩыџьа аҳәсеи, ҩыџьа
ахацәеи.
Ус иаԥуп араҟа. Аӡиа ацәқәырԥара иацәшәаны, мамзаргьы
иаашьаз, ахықә иқәгыланы иаҳзыԥшуп. Ҳнаскьаргоит.
Игоит акоманда ҳазҭо абжьы. Ашыҩсыҩ ҳәа ҳнышьқәа
рыжәҩақәа нарыҵаҳшьуеит. Ҳаҩхылеит.
– Амшын еиқәа иааӡаз, иҳарба нышьала аӡсашьа!
– Уара узааӡаз Балтика мшынымшәа...
– Каспиа сышәхашҭма!.. Амшынқәа среиҵаны сышәшьозар ишәсырбап сара!
Дасу дахьиз, дахьынтәиааз иҟоу аӡиас, ма амшын ахьӡ
ихьӡуп.
Апалатка, афатә, аиарҭа маҭәақәа, ԥшьҩы-уаак нышьак
азыҳәан еидара хьанҭоуп. Ҳаԥхьаҟа ишьҭоуп хәаха-хәымш
ҳзықәхауа амҩа. Амҩа сҳәахт, амҩақәа аанхеит адгьылаҿ.
Араҟа ацәқәырԥақәа, аԥша, ажәҩанаҿ – аԥҭақәа, уаҳа акгьы.
Ашьыбжьышьҭахь хықәк аҟны ҳныдгылеит.
– Иахьа уаҳа ҳаӡсарыма? – иргызмалны дҳазҵаауеит
ҳамҩаԥгаҩ.
Аӡәгьы ҿаҳҭуам.
– Уаҵәы, ҳашьцылар маҷк... – ҳааибарччоит.
– Еиҵышәх апалаткақәа, иахьала иазхоуп.
Ҳныҟәара ахԥатәи амш аԥсыӡкра иазкын. Изҭахыз рыҵә
гәырқәа нхыршәло аӡиа инхықәтәалеит, џьоукы анышьақәа
ҳнарықәтәан ҳцеит аӡиа аԥсыӡкразы ихыз атраулерқәа
рахь.
Аԥсыӡкцәа ҳрыцҳраауан акаҭа аҳараҿы. Абраҟа акаҭа
иалашәан иаҳкит Амшын еиқәа иҭам аԥсыӡ-угри. Ари аԥсыӡ
амаҭеиԥш, икәымпылны ихәхәаӡа иҟоуп. Иӡсоит хылагьы
ҵыхәалагьы. Уахынла аӡы иҭыҵны, амаҭ еиԥш, адгьыл аҟны аныҟәара алшоит. Ирҳәоит ауҭрақәа ирԥырхагоуп ҳәа.
Иџьоушьаша даҽа ҟазшьакгьы амоуп ари аԥсыӡ. Иара
аԥсадгьыл – Мраҭашәаратәи Америка аҿтәи аокеан аҿықә
ауп. Убрантәи аԥсыӡ кәтаӷь ааганы абраҟа игәылхны ирааӡоит, нас иҭарҵоит аӡиа. Аԥсыӡкра аамҭазы, уи, ишаадухалак,
зыԥсы зызгаз ықәҵны ицоит Мраҭашәарахьтәи Америка
аокеан аҿықәқәа рахь. Уаҳа егьыхынҳәуам. Аԥсыӡҵәҟьагьы
иамазаап аԥсы зыхҭнаҵо аԥсадгьыл.
Ҳхынҳәит ахәымш рҽны. Илашьцахьеит. Амца нахьҳарсуеит атуристтә барбанџьиа. Амузыка. Абаза адиреқтор
аӡәаӡәала ҳнапы ҳамхуа иаҳиркуеит «СССР атурист» ҳәа зну
азначокқәа. Аҵх ашарахь инеиуеит. Аха еиқәтәом ашәаҳәара,
акәашара. Иааигәахоит ашара. Иааигәахоит иаҳзыԥшу
амҩа ҿыц. Иашоуп, ҳарҭмаҟқәа ҳаиҭанарыҵалоит... Аха ари
аныҟәара иақәым хашҭшьа!
Ҳақәлеит амҩа еиҭах. Ҳмашьына ахы хоуп Минскҟа.
Акыр километр ҳныҟәеит Белоруссиа абнаккарақәа ҳаарылымҵӡакәа, акыр ӡиас ҳархыԥшылеит, акыр ӡиа ҳрырит,
иаабеит ақыҭақәа, аҳаблақәа. Абар Белоруссиатәи аешьаратә республика аҳҭнықалақь Минск. Сара исҭахуп абелорус
жәлар «ргәеисырҭа» абара ҳалагарц амузеи ала. Аха, Минск
ирацәоуп амузеиқәа. Урҭ зегьы рҟнытә раԥхьа иаабаша ҳәа
ҳара иалаҳхит Аџьынџьтәылатә еибашьра амузеи.
...Абар, аибашьра ҟалаанӡатәи Минск. Афотоқәа иаҳдырбоит акыр шәышықәса зхыҵуа ақалақь. Еилаарцыруа игылоуп етаж рацәала еихагылоу аҩнқәа, улаԥш рыдхалоит
архитеқтуратә баҟа ссирқәа, ауахәамақәа. Абар Минск
аибашьра аан. Уаӷеимшхара, изықәгылаз адгьыл тҟәацызшәа, иҟәыбаса, иццышәха еилажьуп. Ҳнеиуеит азалқәа
ҳнарыҩныс-аарыҩнысуа.
Ҳаиҭанарыхәаԥшуеит аибашьра анеилга Минск шыҟаз
ҳзырбо афотоқәа. Ҳхы иҭагьежьуеит ацифра ҿаасҭа – аибашьра иалагаанӡа ақалақь иаланхон 240 нызқьҩык, аӷа
данықәырцоз ари ацифра 25 нызқь рҟны иааихьан. Уи
қалақьк аҟны. Аха шаҟа қалақь, шаҟа цуҭа, шаҟа қыҭа ҟәыбаса иқәиҵаз.
Ҳагәқәа гәаӷла иҭәны ҳаадәылҵуеит амузеи. Ҳалаланы
ҳҿынаҳхоит шықәса ҩажәа рышьҭахь иԥыххаа еилажьыз
ақалақь. Ҳналалоит аулица хада – Ленин ипроспеқт. Уи
ҭбааҭыцәӡа, аура 10 километр раҵкьыс ыҟоуп. Аҩны еихагыла
дуқәа, атеатрқәа, акинотеатрқәа, ацирк, еиҳау аҵараиурҭа
қәа ирызку аҩнқәа акымкәа, ҩбамкәа. Угәы иаанагап абри
ақалақь ашьапы ркызар аахыс ԥырхагак амоуцт ҳәа. Аха
аибашьра аҽугәаланаршәоит лассы-лассы. Абар, Минск
ахы ақәиҭтәразы раԥхьаӡа ақалақь иалалаз асовет танк. Уи
шьҭыхны иқәгылоуп ахаҳәтә постамент. Иҭахеит уи атанк
иҭаз аибашьцәа зегьы. Иахьагьы еилкаам урҭ афырхацәа...
Ҳахьаанаскьо ҳнықәлоит Аиааира ашҭа. Уаҟа игылоуп
аибашьраан иҭахаз асовет еибашьыҩцәеи апартизанцәеи
рзыҳәан абаҟа – аобелиск. Иаркуп наӡаӡа имыцәауа амца.
Аиааира ашҭа ҳақәсны ҳахьааскьо ладараны ҳналбаауеит.
Ахыб ҳнықәыԥшуеит ӷәтәы ҩны хәыҷык. Абри аҩны хәыҷы
аҟны имҩаԥысит РСДРП 1-тәи аизара ду. Аибашьра авымсит
ари аҩны хәыҷгьы. Аха уи еиҭашьақәдыргылеит ԥаса
ишааҟаҵәҟьаз. Ари амузеи аабаны, аӡиас ацҳа ҳнықәсны
абаҳча ҳныҵалоит. Абраҟа избеит Аԥсны изҳамамзеи абри
аҩыза ҳәа сзеилаҳаз ҩнык. Уи ҭагылоуп абаҳчаҿы. Адәахьы
уахьнадыԥшыло мацарагьы иунардыруеит ҳаҭыр зқәырҵа-
уа, бзиабарала изхылаԥшуа акы шакәу. Ари абелорус жәлар
рпоет Ианка Купала имузеи ауп. Амузеи иамоуп ауада
қәа рацәаны, уаҟа еизгоуп апоет ишәҟәқәа, инапҩымҭақәа,
иара изы иҟаҵоу аскульптурақәа, апатреҭқәа, афотоқәа.
Саҵашьыцуеит изҳамамзеи Аҟәа абри аҩыза аҩны-амузеи
Д. И. Гәлиа изыҳәан ҳәа.
Егьа ҳгәыӷыргьы ҳгәы иаанагомызт Минск иҟоуп хәа абас
ибеиоу асахьаркыратә музеи. Ҳгәыӷуамызт, избанзар, ақалақь
агәаҽанӡамкәа дақәлеит аӷа. Ирласынгьы импыҵеихалеит.
Аха минскаа ирылшеит хәы змам асахьақәа аӷа ицәыҵәахра.
Ари амузеи аҟны иҟоуп: Матвеев, Аивазовски, Шишкин
уҳәа ҳтәылеи аҳәаанхыҵтәи асахьаҭыхыҩцәа дуқәеи раԥҵамҭақәа – аоригиналқәа.
Аԥхын-мра ашоура канаршуеит. Акакала иаабоит афабри
кақәа, азауадқәа. Ҳаҟан иахьҭрыжьуа асамосвал машьы
нақәа, еицырдыруа атрақтор «Белорус», иахьыҟарҵауа
ателевизорқәа, амотоциклқәа, амаланыҟәақәа, асааҭқәа.
Ашоура аҽарӷәӷәоит, иҳахьӡоит ааԥсара.
– Изыԥсоузеи шьыри амшын, – иҳәоит ҳҩызцәа руаӡәы.
– Амшыну? Азамана, ҳцап амшынахь, – иҳәоит ҳамҩаԥгаҩ. Лафны иҳәаз џьшьа, иажәа хырҩа аҳҭаӡом.
– Сыхәмарӡом. Ҳдәықәышәҵа амшын ахь.
– Иаба, Балтикаҟоу, Амшын еиқәа ашҟа акәу?
– Мап. Минсктәи амшын ахь.
Минсктәи амшын... Ииашаҵәҟьаны, изламшынымзеи
акатерқәа хыӡсалозар, игәаан ианыцәқәырԥо анышьа аанар
ҳәуазар, аханы угыланы аҵыхәа умбозар. Иҭадыртәеит уи
амшын ауаа рнапала!
Минск ҳаҟазаара ахәымш руха, дәыӷбала амҩа ҳақәлеит
Брестҟа. Брест... иҟалеит абри ажәа асовет уаа рфырхаҵара
иасимволны. Аибашьра анцоз аамҭазгьы уаҟа иҟалаз атра
гедиа легендахахьан. Ирҳәон легендаҵас, избанзар, ицә
гьан агәра агара. Аӡәаӡәала иаҳгәалаҳаршәоит Бресттәи
абаа азыҳәан ҳзыԥхьақәахьоу. Иззымдыруада ашәҟәыҩҩы

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 31
- Büleklär
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3316Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23490.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3340Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23520.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3345Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22500.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3328Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23160.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3385Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23440.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3340Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23060.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3345Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23680.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3324Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22900.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3285Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22810.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3325Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23080.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3339Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23130.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 12Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3318Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23480.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 13Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3280Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22850.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 14Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3350Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23100.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 15Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3316Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23530.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 16Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3308Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23510.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 17Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3323Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23690.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 18Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3363Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23490.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 19Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3351Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23420.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 20Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3304Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24120.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 21Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3400Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23980.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 22Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3355Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23280.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 23Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3464Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23090.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 24Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 4490Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19500.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 25Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 4507Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19470.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 26Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 4637Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19040.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 27Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3881Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20040.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 28Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3326Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22410.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 29Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3292Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22410.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 30Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3355Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22270.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 31Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3411Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22570.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 32Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3351Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23220.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 33Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3328Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23310.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 34Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3423Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23260.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 35Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3404Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23000.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 36Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 813Unikal süzlärneñ gomumi sanı 6270.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.