Latin

Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 29

Süzlärneñ gomumi sanı 3292
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2241
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
еилыскааит, изҩыз, ҳҩыратә культура ахәышҭаара еихәлазкыз, зыҽны икалам аашьҭихыз инаркны, инаимпыҵшәаанӡа,
аиаша мҩа дшаныз. Еилыскааит ҳашәҟәыҩҩцәақәак реиԥш,
иахьа ус ирзеиӷьзар акы ҳәауа, уаҵәы даҽакы рзеиӷьзар,
даҽакы ҳәауа, ашәиаҟ-ԥсыӡ еиԥш инаҳәы-ааҳәқәоз дшыр­
ҩызамыз. Иԥсҭазаара зегьы иашарала ишымҩаԥысыз еиԥш,
аиаша ҵаҵӷәыс иаман ипоемагьы. Ихҵәаны Ҭырқәтәылаҟа
ицарц разҳәаз афицар абар иаҭаикуа ашәҟәыҩҩы иаб:
– Дад, абра ҳахьыҟоу ҳара ҳзы даара ибзиоуп,
– Ҳаԥхоуп, ҳабзазоуп, ҳӡышом ҳара абра,
Абарҭқәа ҳнаҭоит ҳхәышҭаара.
Иаҳҭахым хәышҭаарак даҽаџьара ҳара,
Иаҳҭахым ҳара!
– Ишәысҭоит сара ҿҳәарас сааҭбжак!
– Ҳазцом!
Нас афицар инарӷәӷәаӡаны
Инаиргеит ибжьы:
− Ижәблы аҩнқәа!
Асқьарқәа, амцабз зкыз ацәашьқәа
Рыма иназыҵҟьеит ахыбра.
Аха саб убра
Зназы имшьҭит асқьар убрахь...
Ашәақь шьхәа ихы инаадырхан, дынкаҳаит убра.
Уаҩы еиликаартә, еиӷьны ҳәашьа амам. Ашьҭа збази
ахаҭа збази еимаркуан ҳәа, нас иабааигеи ҳаамҭазтәи аԥсуа
шәҟәыҩҩык истатиаҿы ҳзыԥхьаз абарҭ реиԥш иҟоу ацәа-

ҳәақәа: «...Амц ишыржьаз анеилыркаа, Гәлиа иҭаацәа маӡа­
ла рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит.» Гәлиа иани иаби дырхаанны,
ирыҿцәажәаз ҳәа аӡәгьы дҳаздыруам, иара, Дырмит ду
ихаҭа, џьаргьы имҳәеит сани саби жьаны иргеит ҳәа, нас
ҳара ҳҩагыланы, иахьеиӷьу ыҟоуп ҳәа нароуҳәар, иужьар,
зыԥсадгьыл кажьны ицоз ани аби дырхылҵит ҳәа изаҳҳәар,
пату абанӡаиқәаҳҵеи ҳлитература ашьаҭаркҩы?
Ажәакала, иклассикатә рҿиамҭахаз ажәеинраала «Амҳаџьыраа ргарашәеи», игәыҭшьаагоу ажәабжь ссир «Агәаҟашәеи», аԥсҭазааратә иашеи асахьаркыратә иашеи еиқәы­
р­шәаны рааирбраҿы, зеиуа хкы ҳлитератураҿы имаҷӡоу
апоема «Сара схәышҭаареи» ирҳәақәози, аклассаҿы, гәыблрала ҳарҵаҩы иаҳзеиҭеиҳәоз аҩымҭа иаҳнарҵози еиҿагы­
лон. Ишеиқәымшәоз аҟара акәын ҳара иаабоз. Ҭоурыхла иаҳа
ииашаз иарбаныз ҳдыруан ҳәа шәасҳәар, шәызжьеит. Акы­
заҵәык, арҭ, ашьҭахь ҳзыԥхьақәаз, иаҳа излаҳгәаԥхоз, уаҟа
аԥсуаа уаҩы ижьомызт. Амчымхара иақәшәаны иаарԥшын.
Уи зынӡаск даҽакын. Аҟармаҵыс уазгәаар ҟалома, иаҳҳәап,
алаҳәа аҵкыс узымиааизеи ҳәа. Узызгәааша аҟармаҵыс
хәыҷы зҽақәзыжьыз алаҳәоуп. Ажәакала, аҵыхәтәан ицәырҵуа иалагаз аҩымҭақәа рҿы схылҵшьҭра зынӡаск даҽакала
иаарԥшын.
Аԥсуаа иҳазкыз ҭоурых бӷьыцк самыԥхьацызт.
Ауаҩы шаҟа дарӷаруазеи, шаҟа икультура бжанатәуа­
зеи иҭоурых анизымдыруа. Аҭоурых адырреи Аԥсадгьыл
абзиаба­реи еимадоуп, ишеимадоу еиԥш адгьыл аԥсылареи
иҿало ашәыри. Даҳзааӡараны ҳаҟаӡам апатриот иаша, уи
иаҳмырҵакәа ижәлари иԥсадгьыли рҭоурых. Ажәытәра шаҟа иудыруа, убасҟак еилукаауеит аҿатәра, аҿатәра шаҟа
еилукаауа, убасҟак иузымариахоит изыԥсоу адырра, ахә
ашьара. Ужәлар рҭоурых узымдыруазар, ашәҟәыҩҩы ихы
иҭҳәааны иаԥиҵаз асахьаркыратә ҩымҭа акәым, ибжамҽамноуп ишеилукаауа афольклоргьы. Ԥшькьаҿ-иԥа Манчеи
Кьахь Ҳаџьараҭи реиԥш иҟаз жәлар рфырхацәа ирыхҳәаау
аҳәамҭақәеи аҭоурыхтә-фырхаҵаратә легендақәеи ракәым,
иахьынӡахәҭоу иузеилкаауам алакәқәаҵәҟьагьы. Аҭоурых
бзианы иҭҵааны, нас алакәқәа ҳрыԥхьо ҳҿааҳхар, араҟа

иаҳәо лакәӡамзаап ҳәа ахьаҳҳәақәаша рацәаны иаҳԥылоит.
Ус акәымкәа, аҭоурых узымдыруазар, аҭоурыхтә фақт иахылҵыз асиужетқәа, аиҿырԥшрақәа, ажәақәа, ихҭҳәаау
лакәк еиԥшоуп ишҳаҳауа. Иаҳҳәап, ҳаныхәыҷыз шаҟантә
иҳаҳахьаз: «Шьап цәы, нап цәы, ахьуардын дақәтәоуп,
шьапеибга напеибга ауаргьала дақәтәоуп» – ҳәа лассылассы иахьеиҭарҳәауа алакә ссир. Ауаҩы ишьапы цәышьа
шамам еиԥш, ахьуардынгьы ақәтәашьа умам, избанзар иҟам
ус еиԥш. Лакәуп, уаҳа акгьы. Ус сгәы иаанагон. Аха, абар,
уамак ҵуам, аҭоурыхҭҵааҩцәа иаадырԥшит, аԥсуаа ажәы­
тәан ииашаҵәҟьаны ахьуардын шрымаз.
Ауразоуроу ихьӡыркын. Сахьаҭыхҩыкгьы убри ауардын
асахьа ҭиххьан, ибахьан. Ахьы иахьалхыз мацара акәым
иџьоушьаша, ҿык-бзык иазымҳәо иҟазаратә рҿиамҭан уи.
Ашьҭахь иӡит. Аамҭа аӡыхәашь-цәқәырԥара иалаӡит. Ирҭима, қәылаҩцәақәак иргама, ирӷьычма, Анцәа идырп иахьагаз. Алегенда излаҳәо ала, иагеит Англиаҟа.
Шаҟа лакә алагозеи: «Аҳ иԥа», «Аҳ иԥҳа», «Аԥсҳа», –
ҳәа. Ирыҵаҵәахузеи абарҭ ажәақәа, насгьы иарбан аамҭоу
ианиз? Ихыҭҳәаау лакә ажәақәоума, мамзаргьы аиашара
иагәылҵу? Уажәааигәа академик И. Џьавахишвили иусумҭақәа аԥшьбатәи атом аҟны саԥхьеит: «Около 992 года
было написано также ныне утерянное сочинение «Цховреба и Абхазҭаи» («Жизнь или история абхазов»), которое
принадлежит перу царя Баграта III и заключает в себе
историю 22-х цареи» – ҳәа. Цқьа ҳазхәыцып. Ҩажәи-ҩы­
џьаҩык аԥсуа ҳәынҭқарцәа ҟалахьазаарын. Ҳҭоурых афа­ль­
сификаторцәақәак ахьӡ ҿыцқәа азырԥшаарц иашь­ҭоуп Аԥсуа
ҳәынҭқарра, аха егьа азырыӡбаргьы, аиаша еилага­шьа амам.
Ҩажәи ҩыџьаҩык аҳәынҭқарцәа зхагылахьаз аҳәынҭ-қарра
шаҟа шықәса иҟаз шәара шәазхәыц. Иҵуазеи уиаахыс? Зқьы
шықәса рҟынӡа. Ус анакәха, аҳ иԥа, аҳ иԥҳа, аԥсҳа ҳәа алакә
иаҳәо ажәақәа иашаҵәҟьазаап. Ианбаии арҭ ажәақәа? Зқьы
шықәса инареиҳаны уажәаԥхьа.
Аҭоурых узымдыруазар, иузеилкаауам, баша иажәа ҭацәхоит, уимоу, аԥышәырччара уздырҵысыр ҟалоит абарҭ реиԥш
иҟоу ажәаԥҟақәа: «Аԥсны ҟьаҟьа дуӡӡа», «Амшын ахықәан,

ацгәы аҩны ахыб инықәлар, иааҟәымҵӡакәа ашьханӡа ицон,
убасҟак ирацәаҩны еиланхон аԥсуаа» – уҳәа реиԥш иҟақәоу.
Аха ибзианы иудыруазар Аԥсуа ҳәынҭқарра аҳәаақәа
ахьынӡаҟаз, иудыруазар, изныкымкәа-иҩынтәымкәа аимпериа дуӡӡақәа Аԥсны ишақәлахьоу, усҟан арҭ ажәаԥҟақәа
угәы-уԥсы иранаҳәо рацәахоит.
Зԥа дымԥсыц уԥа диумырҵәуан рҳәоит, ҵарада иҟәышыз
ажәытәуаа. Егьырҭ аҭоурыхтә мыҟәмабарақәа ҳарҟәаҵыр­гьы,
амҳаџьырра мацара аангьы аԥсуаа зықәшәаз иақәымшәац,
ҳгәырҩа аилкаара ицәуадаҩхоит, убасҟак игәырҩа дууп
убри.
Аԥсуаа ҳаиԥшҵәҟьа, асулҭан иимпериа ахлымӡаах иақәнаршәахьеит аерманцәа. Рыжәлар ҵҩа рымамкәа ирҟәаҟәеит,
иаанхаз аӡәырҩы иахьа уажәгьы иԥсаҟьаны атәым тәылақәа
ирылаԥсоуп. Аха аерманцәа аԥсуаа ҳаҵкыс лахьынҵа бзиас
ироуз, ианамуӡахгьы, изыниаз еиҭазҳәашаз, ашәаџьҳәаҩ­­цәа
роуит, Ҭырқәтәыла имҩаԥнагоз агеноцидтә политика шәҟәыбыӷьшәыла ишьҭыхны еиқәдырхеит. Еиқәдырхеит ԥхьаҟатәи
абиԥареи адунеи ажәларқәеи ираҳартә. Ҳарҭ, аԥсуаа, ҳхы
ашәаџьҳәаҩра ҳзазымуит, ҳхатәы бызшәала ашәҟәыҩҩцәа
ахьҳамамыз иахҟьаны. Иаҳдыруа амаҷгьы злаадыруа атәым­
уаа ранҵамҭақәа рылоуп. Амҩасҩы, ҳаамҭазтәи еиҿырԥш­
рала иуҳәозар, адәыӷба дақәтәаны ииасны ицаз диҩы­зоуп.
Наԥшыхақә ауп зегьы шибауа. Убас имҩасны ицаз ныҟәаҩык
излеиҳәауала, амҳаџьырра ианашыкьымҭаз, агаҿан ишьны
икажьыз аԥсцәа рыфҩы ианықәнамыргыла, абзацәа ықәҵны
ашьхаҟа ицеит. Уажәшьҭа шәазхәыц, уи ашьаарҵәыра аҩныҵ­
ҟа иалагылаз, иалахәыз, аха еиқәхаз аԥсуак ианҵамҭақәа
ыҟазҭгьы иҳарҳәауаз. Џьанаҭ дгьылахь ҳцоит ҳәа рхала, аӷ­
ба иҭеибаҳәа иқәҵны ицозҭгьы, ишьны аҟәара иқәыжьны
ишԥаибоз амҩасҩы?
Анаҟә анхыҵлак, аиҩхаа ахьынӡаҵаулоу шааԥшуа еиԥш,
аамҭақәа аныманшәалаха, ҳҭоурых иаҳа-иаҳа иааԥшуа ианалага, амҳаџьырра зыхҟьаз, ишыҟалақәаз ккаӡа иааԥшит.
Аԥсны Урыстәыла иадлаанӡа изныкымкәа иахаԥахьан
аколонистцәа.
Ҳара ҳашықәсԥхьаӡара ҟалаанӡа, амшын мыжда иӡыхна-

геит абырзенцәа. Уажәы Аҟәа ахьыҟоу аҭыԥаны урҭ иҟарҵеит
ақалақь. Дара рықалақь. Иахьӡырҵеит Диоскуриада ҳәа.
Абарҭ рышьҭахь амшын иӡыхнагеит аурымцәа. Урҭ Диос­ку­
риада ахьӡ рыԥсахит Себастополис ҳәа. Аурымцәа анықә­ца­
ха, аԥсуа жәларшьҭрақәа (племиақәа) еидҵаны, еиҿкаахеит
Аԥсуа ҳәынҭқарра. Уи анхыбгала, ҳажәҩа еибыҭаны ҳҟа­лар,
ақәылаҩцәагьы рымч ҳақәхарым ҳәа Аԥсни Қырҭтәылеи
рҽеи­дырҵеит. Зегьакоуп ақәылаҩцәа ирмыхәеит. Қырҭтәыла
иахаԥеит зны аџьамцәа, нас – арабцәа. Аԥсны импыҵеихалеит аҭырқәа. Уи аԥсуааи ргәыларатәи ажәларшьҭрақәеи
еичирчон, аҳәаҭыхла еижәиҵон. Дырмит ду иҳәан еиԥш,
рнибарҵәара иалачон. Кавказ иқәынхо ажәларқәа реигәыдҵараҿы, аиӷарара рыбжьаҵараҿы, аҭырқәа имҩаԥигоз апол­
итика, иахьа уажәраанӡагь аҵарауаа цқьа иҭырымҵаац.
Ҳаамҭазы америкатәи аимпериализм Африкатәи аҳәынҭқарра маҷқәа дара-дара шеибанаршьуа еиԥшҵәҟьа, асулҭан
иимпериа аан Кавказтәи ажәларқәа аиӷарара рыбжьеиҵон
аҭырқәа. Убри аамышьҭахьгьы, Аԥсны зыршьабоз иаиуан даҽакгьы. Ауаа ӷьычны рыҭира. Ирҭиуадаз? Ахәыҷқәа. Шаҟаҩ
рҭиуаз хыԥхьаӡара амамызт. Абга ааӡаны излыҵыз абгақәа
ианрыжәырҵо еиԥш, Кавказтәи ажәларқәа рҵеицәа ааӡаны,
нас, иаарҳәны, дара, зшьа иалҵыз ажәларқәа ирыжәырҵон.
Урҭ, аныда-абыда иааӡаз аианичарцәа, ишыхәыҷыз ауаҩы
игәаӷ ддыркуан. Иԥсылман фанатикцәан.
Адәахьтәи аӷацәа рымацара ракәмызт Аԥсны иацрыхоз,
иахыкәласуа, аԥашәқәа ҵзырҩаауаз. Ахуаадара иахҟьаны,
уи иара аҩныҵҟагьы иаӷран ахырҵәагақәа, ишьаҭарӡгаз
аҵас бааԥсқәа. Ҳарҭ ҳамҵаныҳәауа, ақьырсианцәа абиблиа
шрымоу еиԥш, ҳауаҩра зыхьчо, ҳмилаҭтә хаҿра еиқәзырхо
аламыс ҳәа «нцәахәык» ҳамоуп. Абри «анцәахәы» абзиара­
қәа реиԥш, ҳаҿиараҿы иаҳԥырхагахаз ацәгьарақәагьы ра­
цәаны иалагәышьоуп. Убарҭ раԥхьа игылоуп ашьоура.
Ҩажәак еихысҳәаалоит. Аҭара аганахьала Кәыдры ахықә
унықәгыланы Аҟәаҟа уааԥшыр, Шаумиановка ҳәа ашь­ҭахь
изыхьӡырҵаз ақыҭа, ҵаҟа, лбаанӡа, ҩадахьы, ахәы уахьын­
хыҵуанӡа, ашьхаҟа аганахьала, Наа Амыҟәреи Аҩыраӡареи

наҵанакуа, Маршьанаа Рхәы ҳәа иашьҭан ажәытәан. Убри ақы­
ҭа азыҳәан аҭаҳмадцәа иахьа-уажәгьы Маршьанк днымха­ӡо,
изгазеи ҳәа уразҵаар: «Иқәибамхи!» – ҳәа, иааркьаҿны, ажәак
ала аҭак ҟарҵоит. Ашьа рыдхалар зымуаз, уаацәгьақәак ра­­
кәын ҳәа, идырҽхәо џьшьаны, инацызҵогьы дубап. Дали Ҵа­
ба­ли иҭанхоз Маршьанаа анықәибахуаз арҭгьы аланагалама,
урҭ рықәибахра ажәлар ргәалашәараҿ иаҳа иаанхама, иша­
кәхалак, Маршьанаа Рхәы иқәынхоз рықәибахра атәы уамак
ирзымдырӡо, арахь қыҭак уаҩ днымхаӡо, ианеибарԥсуаз
еибарԥсит, иаанхаз хибарҵәеит. Уи жәлак, уи қыҭак аҿы. Ус
шаҟаџьара. Абри акы. Ҩбагьы, уаҩы иџьаишьаратә иҟоуп,
ҳара ҳаҟара анҵәара иақәшәахьоу амилаҭ рҿы ахшара,
аҵеи икульт ахьыҟам. Уажәгьы инханы иҟоуп, аха ажәытәан
хыԥашьа амамызт. Арԥыс ԥҳәыс дааигар акәын шықәса
30–35 рҿы даннеилак. Ари ақәраҿы, шамахамзар, уаҩы
ибзиабара иины, игәаҵа ҭыблааны, ихьшәашәаны далгахьеит.
Ԥҳәыс даагатәуп ҳәа дхәыцны, уалҵас аӡәы дааимгозар,
бзиа-бара ҳәа дзырхагаша уамак егьимам, насгьы ихшаз
иааӡаанӡа иара дажәуан. Аҵкыс еицәоу, иахьагьы инханы
иҟоу, ишьаҭарӡгоу «ламысуп» ахшара дызмам аҭаацәа реилымҵра. Ҳәарада, ԥсабарала дҟалоит ахшара дызмоуа, ҳа­
ра уи иаҽԥнаҳҳәом, аха иаҽԥныҳәара азин ҳамоуп аӡәгьы
дахьимааӡо. Ахшара дызмоуа, аӡәгьы дзааӡарцгьы зҭахым,
дыԥҳәысыз, дхаҵаз, уи ауаҩ сыԥсы ҭанаҵы, схазы сыҟаз ҳәа
ихәыцуа, аегоист иоуп. Асаби дганы иааӡара – аҳәынҭқа­рра
зыдгыло усуп. Ирааӡашагьы дрырҭоит, амаӡагьы рҵәахуеит.
Ахшарадара аҳәынҭқарра ақәыӡбуеит, ахшара рацәара –
аҳәынҭқарра адгылауеит, иацхраауеит. Амшын анқашьха
аԥсуа амҳаҵә имоуит ҳәа, абасҟак ҳажәлар реизҳаразы
аҭагылазаашьа бзиа аныҟоу аамҭазы, ҳара убри ахархәашьа
ҳзақәымшәозеи? Иҟоуп ажәларқәа, иаҳҳәап, ауаҩы иаҳәшьа
хаҵа дцеит, дахьнеиз ахшара дылмоуит ҩба-хԥа шықәса.
Лашьцәа нкылсны, рымаҳә иарҳәоит, ҳаҳәшьа дыргьежьны
аҩныҟа дҳаҭ, уара уҵыхәтәы лырӡыр ҳҭахым, уара ҽаӡәы
даага ҳәа. Лара илхаразар ахшара дахьырмоуа, егьа бзиа
дибагәышьозаргьы, ашьаҭамырӡга аҵеи иоура, ибзиабара

аҵкыс инаҳаракны иргыланы, раҳәшьа дриҭагәышьоиг. Ҳара
ҳҿы хшара дылмоузаргьы, аӡәгьы длааӡарц лҭахымзаргьы,
раҳәшьа заҵа дыргьежьны дрымгара, дкаижьыр, рымаҳә
ӷацәгьас дышьҭырхуеит.
Ҳаҿиара шаҟа иаԥырхагоузеи, иаҳҳәап, ҳгәыжәла џьбарара иахҟьаны, ауаҩы иԥсра иахырҟьацәаны агәныгареи,
инахырҟьацәаны ашәы ашәҵареи. Ҳәарада, гәаҵәа зыӷроу,
игәнызымго дызусҭада аҭынха иԥсра, аха убригьы хынкылашьак амазароуп. Аира зшаз аԥсрагьы ишеит анаҳҳәа,
аира ҽынкыларала ҳшеигәырӷьо, уимоу, ҳгәырӷьара мыцхәцәак ишааҳмырԥшуа еиԥш, хырԥашьа змам, аԥсрагьы мыцхәы аҿхагахара аҭахымзар ҟалап, избанзар аԥсҭазаараҿ
иҟалалоит аԥсра аҵкысгьы еицәоу данақәшәо ауаҩы. Шықәсыла инеиԥынкыланы ашәы аныҟәгара ҵас бааԥсны
ишҳамаз, уи акажьра ацымхәрас, уажәы инацлеит аԥсы
ипатреҭ ргәаҿы акыдҵареи, зыбаҩ зтәым аԥҳәысгьы ашәы
лышәҵареи. Арҭ ҩ-ҵаск аԥсуаа иҳамамызт ажәытәан.
Абааԥс, срыцҳашьа рҳәошәа џьоукы-џьоук апатреҭқәа раԥ­
хьа икыдҵаны идәықәуп, иаарԥылогьы ргәы бжьыхуа. Иаԥ­
суа ҵасума уи? Иҵасым ҳәа, зцәазтәым аԥҳәыс, егьа лҭынха
гәакьа дыԥсызаргьы, ашәы лшәырҵомызт. Медицинала шаҟа ииашоу ҵасыз абри.
Иҟоуп аҳәсақәа, ашәы шыршәу мацара зыԥсҭазаара
абжеи­ҳарак зегьы мҩасуа. Неихарқәа змам аҭаҳмада дыԥсыргьы – инеиԥынкыланы шықәсык – ашәы, агәлымҵәах дыԥсыргьы – ашәы, агәакьа дыԥсыргьы – ашәы, ауа-иуа кьынтыжә
маҟа дыԥсыргьы – ашәы... Милаҭтә цәа шәҵатәхарц егьагым
агәкажьга аԥшшәхәы змоу абри амаҭәа. Инахырҟьацәаны
ашәы аныҟәгара, изшәу лымацара лакәӡам изусу. Уи аԥырхага
бааԥс рзылуеит иаалԥыло, лыкәша-мыкәша иааҟоу зегьы.
Уи иаанагом, ауаҩы дыԥсыр ҳамгәырҩароуп, ашәы мышкы
ишьҭаҳамхыроуп ҳәа сҳәошәа, сара сызҿу ахырҟьацәароуп.
Ахырҟьацәара ажәытәангьы иҟан, уажәгьы иҟагәышьоуп.
Аизҳараҿы, аҿиараҿы ари даараӡа иԥырхага дууп.
Абасала, адәахьынтә иаауаз, қәыларала инахыкәласуаз
аӷацәа раамышьҭахьгьы, аҩныҵҟатәи амҽеирақәакгьы ашьапы ишықәнаҟьауаз, аӡыблара ишалаз, аҭоурых мыҟәмаба-

рақәа иргәылсны иааит Аԥсны азеижәтәи ашәышықәсанӡа.
Абри ашәышықәса маҷк иаҳа иазааҭгылатәуп, избанзар,
убасҟан Аԥсны бжьымҩак ахьеихагылоу инеиз аныҟәаҩ
иҩызахеит. Иреиӷьыз аԥсуаа рҵеицәа ахәыцра иалагеит
рыԥсадгьыл еиқәырхашьас иамоузеи ҳәа. Иамазкуаз ра­
цәаҩхеит, арахь мҩа заҵәык акәын иҟаз – Урыстәыла
адлара. Абри аҭоурыхтә хҭыс дуӡӡа ҳалацәажәаанӡа, еиҭах
ҳанхьаҵып ҳашьҭахьҟа, ажәытәрахь, нас иаҳа еилаҳкаауеит
амҳаџьырра иаҟалашьахаз.
Ажәлар рҭоурыхтә мҩа аныԥшылашьа амам, еилкаашьа
ҳзаҭом, урҭ рдинхаҵара адәахьы инаважьны. Аԥсуаа ҳлахьынҵа аӡбараҿы адинхаҵара иҟанаҵаз ацәгьарақәа, уи
рольс инанагӡаз даараӡа ирацәоуп, гәаҟра дук иақәымшәаӡакәа, аԥсуаа жьаны амҳаџьырра иргазшәа аҳәара шымцу
еиԥшҵәҟьа, имцуп аԥсуаа адинхаҵара рыламызшәа, иар­
бан динзаалак акгьы ргәаҿы адац азымҳазшәа аҳәара.
Ииашоуп, иахьагьы инханы иҟоуп анцәа рацәара. Аха убри
инаваргыланы аԥсуаа ҩ-динхаҵара дук иргәылсит.
Ҳарҟәаҵып аҭоурыхтә нҵамҭақәа, урҭ маҷымкәа ишы­
ҟоугьы. Ҳрыхәаԥшып ҳныха баақәа. Ақьырсиантә дин­
хаҵара аԥсуаа ирыдрымкылазҭгьы, абасҟак ныха баа
ссирқәа ргылашьа роурызу Аԥсны? Атәымуа аакылсны,
мчыла иргыланы, нас илкажьны ицама Драндатәи, Мықә­
тәи, Пицундатәи, Бедиатәи, Лыхнытәи, Елыртәи уҳәа жәаба­
ла зеиуахкы маҷу ҳныхабаақәа? Аџьықәреи ахьнарымго
аӡла­­гара аусура ишаҟәыҵуа еиԥш, адинхаҵара злоу ауаа
ахьымнеиуа аныхабаа неиқәыбга ицоит. Аԥсны иаборигенцәоу аԥсуаа рыжәлашьҭрақәа зегьы еидҵаны, Аԥсуа ҳәы­
нҭқарра аныҟаиҵа Леон Аҩбатәи, иаразнак напы заиркызеи
аныхабаақәа рыргылара?
Ақьырсиан динхаҵара иӷәӷәаны аԥашәқәа ашьҭхьан.
Ажәларшьҭрақәа еиднакылон, идеологиа хадас иҟаиҵеит.
Абри акы-ҩбагьы, Аԥсны Византиатәи аимпериа иалан. Уи,
ишдыру еиԥш, қьырсиантә империан. Ҳәарада, Византиа
иамчыз зегьы ҟанаҵон аԥсуаагьы ақьырсианра рыдыркы­
ларц, ирылаҵәарц.
Ҳазхәыцып даҽа хшыҩҵакыкгьы. Зқьы шықәса инарыцны

Аԥсны официалтә идеологиас иҟаз ақьырсиан динхаҵара
акәын. Зқьы шықәса Аԥсны зымпыҵазхалахьаз Византиатәи аимпериеи асулҭантә империеи динхаҵарала еиӷацәа
бааԥсқәан.
Аԥсуаа ҳҭоурых ҭҵаашьа ҳзаҭом инарҵауланы иҭаҳам­
ҵаакәа арҭ аҩ-империак рҭоурых, ридеологиа, рколониза­
тортә политика.
Ҳара ҳҿы еиқәымхеит, шәҟәы-быӷьшәыла ишьҭыхзаргьы
ибжьаӡзар ауеит, асулҭантә империа иампыҵанахалоз атәылақәа рҿы ажәларқәа зықәдыршәоз. Убри аҟнытә, ҳара
иаҳҵар Ҭырқәтәыла иампыҵанахалаз егьырҭ атәылақәа рҭа­
гылазаашьа, аԥсуаа ҳтәгьы ҳанаҳәоит.
Адинхаҵара иахҟьаны ажәларқәа рҭоурыхаҿы ирацәаны
ашьакаҭәарақәа ҟалахьеит, аҳәынҭқаррақәа еилаҳахьеит,
иқәӡаахьеит. Дарбан уаҩ хыдоу уи азыҳәан ажәлар аҽԥны­
ҳәа рызҭауа. Уи азыҳәан изқәыӡбатәу иара, арҩышьыга,
адинхаҵареи уи амаҵ азызуази роуп.
Аԥсылманцәа ахьнеиуаз, ақьырсианцәа ма дара рдинхаҵарахь мчыла иааргон, мамзаргьы, ианырмулак, икыдҵаны
иршьуан. Амала, официалтә динхаҵарамкәа, иара ус, ԥсымбзам иҟазар, цәгьам-бзиам ирычҳауан. Абас ишрызныҟәоз
ала адокументқәа уԥылоит балкантәи атәылақәа рыжәлар­
қәа рҿы.
Адунеи иадыруеит акымкәа-ҩбамкәа аимпериақәа. Аԥсны
еиҳараӡак анырра рыман абырзенцәеи аурымцәеи римпериа.
Архитеқтураҿы, акультураҿы урҭ ныррақәак ҟарҵеит.
Иҟалап, адунеи ауаатәыҩса рҭоурых аҿы иҟамлацзар
даҽа империак, асулҭан иимпериа аҟара ажәларқәа, акы,
ашьаарҵәыра иҭазыргылахьоу, ҩбагьы, акультура аганахьала
изаҟаразаалак џьара акы назымгац. Раҳәызба хәхәақәа ркын,
уаҳа хшыҩк дара ирыцмызт, доуҳатә малк дара ирымамызт.
Ауаҩы ишьра, ауаҩытәыҩса ишьа акаҭәара, ауаҩытәыҩса
иргәаҟра, инырҵәара аганахьала, аҭырқә ианичарцәа аесессовеццәеи дареи хҭак еицҭадыршәуан. Иугославиатәи
ашә­ҟәыҩҩы Иво Андрич излаиҳәауала, зцәа зтәым аԥҳәыс
ашәақь аԥса лӷырҳәаны лышьра, ауаҩы иԥсы шҭоу аҵәҩан
иахаҵара, арахә ацәа анахырхуа еиԥш, ауаҩқьырсиан

ицәа ихыхра, аианичар-ԥсылманцәа рзыҳәан гәыршшагак
иаҩызан.
Абас иҟаз аимпериа Аԥсны иахаԥеит ажәафтәи ашәышықәса азыҳәан. Еиҭасҳәахуеит, усҟан аԥсуаа ақьырсиан
динхаҵа официалтә динхаҵараны ирымеижьҭеи зқьы шықәса
ҵхьан. Акыр шәышықәса ҵхьан, иахьа ҟазаратә рҿиамҭак
аҳасабала, адунеи иадыруа ҳныхабаақәа ишырҭахыз, ԥырхага рымамкәа аус руазижьҭеи.
Ажәакала, ажәафтәи ашәышықәса азыҳәан аԥсуа дгьыл
аҿы еиҿаҳаит, ӡи мцеи еинышәараҳа, еинышәашьа зқәымыз
адинхаҵарак. Хәыцра дук, фантазиа дук аҭахӡам уи иахҟьаны
иҟалаз ухаҿы иааугарц азыҳәан.
Ҩажәак еихысҳәаалоит. Шықәсқәак уажәаԥхьа Болгариа
сыҟан. Ишыжәдыруа, Болгариагьы хәышә шықәса аҭырқәа
исаса иҭакны аҟаҟара даҿын. Велико Тырнова ҳахьнеиз,
аҳҭынра ахьыҟаз, аныхабаақәа ҳрыхәаԥшуа ҳашгылаз, аекскурсиа мҩаԥызгоз аҳәара далагеит аҭырқәцәа Болгариа
ианахаԥа иҟарҵақәоз. Ҿырԥштәыс иааигеит ауаа еизцаны,
рнапала анышә дыржны, рыԥсы шҭаз шәҩыла џьарак
еикәаржуан ҳәа. Сара исгәалашәеит археологцәа Тҟәарчал
ирыԥшааз аԥсыжырҭа. Џьарак еиқәыжьын шәи ҩынҩажәаҩык. Аибашьраҿы иҭамхеит. Рыбаҩқәа ԥыҵәҵәамызт.
Аԥсыжра аамҭала иаҵанакуан Аԥсны аҭырқәцәа аныҟаз.
Ирыхьзеи, иҟалазеи, џьарак иҭажьны изыржзеи шәи ҩын­
ҩажәаҩык? Сгәанала, Болгариа ишыҟарҵаз еиԥш, рыԥсы
шҭаз иржит абраҟагьы.
Ажәакала, ишаҳҳәаз еиԥш, еиӷацәаз ҩ-динхаҵарак
еиҿаҳаит. Сабшала, мҽышала ақьырсианцәа еицхрашьшьы
инеины аныхабаақәа ирҭалахуа, ақьырсиантә ныҳәарақәа
мҩаԥыргауа, аԥсылманцәа абарҭқәа зегьы рбауа, аха акгьы
мҳәакәа, иранарыжьуа, ҟалашьа амазу? Импыҵаихалаз
тәылак аҟны иҟаимҵаз ақьиара, ачҳара аԥсуаа рзыҳәан
иҟаиҵарызу аҭырқәа? Аколонизатор еилых димаӡам. Уи
иполитика зегьынџьара акоуп. Убри азыҳәаноуп Балкантәи
атәылақәа рсахьаркыратә рҿиамҭақәа ҳанрыԥхьауа, аԥсуаа
иҳазкушәа изаҳбауа, убри азыҳәаноуп «Ацынҵәарах» дара
ирхатәы ҩымҭоушәа раԥхьаӡа изеиҭаргаз асулҭан иимпериа

ашьаарҵәыра иҭанаргылахьаз ажәларқәа рҿы. Урҭи ҳареи
ҭоурыхтә лахьынҵала ҳаиԥшуп, ҳаизааигәоуп. «Ацынҵәарах»
иаԥхьахьоу, асулҭан иимпериа ахлымӡаах ҳақәнаршәеит
ҳәа заҳҳәахьоу, аԥсуаа жьаноуп амҳаџьырра ишыргаз ҳәа
зҳәауа наганы инарымҵаҳҵар, ишԥаҟалои, иеиҳа ииашоуп
ҳәа зыгәра ргарызеи?
Ҳзызкылсырц иаҳҭаху ахшыҩҵак хыркәшауа, иҟаҳҵап
абасеиԥш алкаа.
Адинхаҵара азыҳәан, сгәанала, абас ҳҳәар иаҳа аиаша
ҳазааигәахоит. Аԥсуаа Кавказтәи ажәларқәа рыҩныҵҟа
ақьыр­сиан динхаҵара раԥхьаӡа издызкылаз ажәларқәа
иреиуоуп. Аԥсуа жәларшьҭрақәа зегьы еидҵаны, аԥсуа ҳәынҭқарра еиҿызкааз, раԥхьатәи Аԥсҳа Леон аныхабаақәа
рыргылара дзашьҭаз, динхаҵарак злаҵәоз ажәларшьҭрақәа
жәларыкны реидкылара иацхраауан. Хышә шықәса инарзынаԥшуа инызҵыз аԥсуа ҳәынҭқарраҿы официалтә идеологиас иҟаз ақьырсиан динхаҵара акәын.
Уи адинхаҵара апрогрессивтә роли ареақционертә ҵаки
рылацәажәара даҽа зҵаароуп. Ашьҭахь, аԥсуа ҳәынҭқарра
анхыбгала, акыр ааҵхьаны, ажәафтәи ашәышықәса азыҳәан,
Аԥсны аҭырқәа данахаԥа инаркны, аҿиара иалагеит аԥсылман динхаҵара. Абри инаркны ақьырсиан динхаҵара зымч
каҳаз, иофициалтәымыз динхаҵарахеит. Аныхабаақәа иадыркуаз адыркит, иаанхаз ыҟан ԥсымбзам. Реиҳарак амца
рыҩнаҵаны еиӷрырыблааит.
Хышә шықәса инарыцны Аԥсны еиҿагылан ҩ-динхаҵарак.
Ақьырсианцәа рныҳәақәа рыҩны имҩаԥырго иалагеит.
Аџьаамақәа ргыланы, анамаз ркуан аԥсылманцәа. Аԥсуа
жәларшьҭрақәа еиҟәшахеит. Џьоукы аԥсылманра рыдыркылеит, џьоукы ирулак рқьырсианра еиқәдырхеит. Даҽа
џьоукы ишмырҭаҭцәаз иаанханы иаауан. Абас, адаӷьи амаҭи реиԥш, ҩ-динхаҵарак шеишьҭаз иааит, хыхь зыӡбахә
ҳҳәаз, азежәтәи ашәышықәса. Ақырҭуа ҳәынҭқарцәа Иракли Аҩбатәии Соломон Актәии ишыҟарҵаз еиԥш, аурыс
император диҳәаны, Аԥсны Урыстәыла иадиҵеит Аԥсны иа­
ха­гылаз Қьалышьбеи Ачачба. Урыстәыла жәытәнатә аахыс

қьырсиан ҳәынҭқарран. Аԥсуаа раҳ Ачачба, Урыстәыла
гәы-кала дшазыҟоу аирдырырц, насгьы аурысқәеи аԥсуааи
реизааигәахара иацхраарц, аргама идикылеит ақьырсианра,
иҷкәынцәа руаӡәкгьы хәдықәҵас Петербургҟа дишьҭит.
Ажәытәанӡа аԥсуаа ирымаз адинхаҵара ирхынҳәит. Иануҭаху
алада иаатуа, иануҭаху аҩада иаатуа иҿоуҵар ҟалоит агәашә,
аха ус иҟам адинхаҵара. Излаҽыз илцара ус имариам.
Ихы-ихшыҩ убасҟак иатәнатәуеит, ауаҩы иԥсҭазаара иара
азыҳәан дамеигӡо аҟынӡа дарҩышьуеит.
Аԥсуаа знык ирзыҟалахьаз еиҭарзыҟалахит. Анкьаӡа зны
рхы-рыԥсы ақәҵауа ақьырсианра зыхьчоз рхылҵшьҭрақәа,
уажәы аҳәаҭыхла аԥсылманра хьчауа, ақьырсианра иаҿагылеит, Амдыр Анцәа дирыцҳауп зырҳәазгьы абри азоуп.
Урыстәылан иҟаз аҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны, Аԥсны уи
ианадлаҵәҟьа, ар ааины, аҳәаақәа рыхьчартә изыҟамлеит.
Ҭырқәҭәылатәи аимпериеи аԥсуааи еизынхеит, еиҿаҳаит.
Ҳаинаԥхеит, ҳаиҭиит Ачачба, амыцқьа, агьааур дааигеит
рҳәеит аԥсылманцәа, аԥсуаа жәытәнатәаахыс иҳамаз
ақьырсианра акәын, уи ҳазирхынҳәит, иԥсеиқәырхагоу
аҳәынҭқарра ҳадиҵеит рҳәеит, хара инаԥшуаз, зықәҵа баны
зшьапы еиҵызхуаз ақьырсианцәа. Динхаҵарала мацара
акәымкәа, политикатә хырхарҭалагьы аишьцәа еиҿанагалеит. Аҩыџьагьы зызхәыцшаз ахада дара дырмоуит. Абри
аҭагылазаашьа ахы ианархәеит ҭырқәтәылатәи аимпериа.
Иҩызцәа иманы дыӡхыҵит, ԥсылман динла иааӡаз Қьалышьбеи иԥа, Асланбеи. Уи инапала иаб гәакьа дишьит.
Ачарҳәаҩ, ҳәарада, иаб иҭыԥгьы дашьҭан, аха убри азыҳәан
мацара иаб дишьит ҳәа аҳәара, инагӡаны аиаша амҳәароуп
иаанаго. Адинхаҵаратә фанатизмгьы алаӡҩан уаҟа. Уи
абзамыҟә агәра ганы дыҟан убри ала еиқәирхоит ҳәа
Аԥсны. Раҳ деимакны еиҭах аԥсуаа дара-дара еиҿанага­леит.
Ари уажәшьҭа шаҟантәыз Анцәа идырп. Хышықәса ҵхьаны
заб ишьала знапы ҟьашьыз ахәымга дахҳәаны дкарыжьит.
Петербург иҟаз Қьалышьбеи иԥа аиҵбы дырхынҳәны дааганы Аԥсны дахадыргылеит. Еиҭа иаҳгәалаҳаршәап. Ар
аашьҭны Аԥсны аҳәаақәа набыцра рықәымкәа иркыртә
иалаҟамызт Урыстәыла. Аԥсуеи аҭырқәеи еизынхеит. Арахь

иаахтны еиӷацәан. Еиҭах аҟәыӷацәа рыжәлар рхы-ргәы
иҭаргалон Урыстәыла ада ԥсыхәа шрымам, ишеиқәырхагоу,
амулацәеи аԥсахыҩцәеи иҳәаркьиуа ажәлар ирылан агьааур
даар шәықәихуеит, ҳара ҳзыдгылаша аҭырқәа иоуп ҳәа.
Хшыҩзышьҭра азутәуп даҽакгьы. Ақьырсиан динхаҵара
азежәтәи ашәышықәса азыҳәан ихынҳәны, иофициалтә дин­
хаҵараны еиҭах аԥсуаа рҿы ианааи адинхаҵара иахьхьан
аметаморфоза ӷәӷәа. Ари адинхаҵара раԥхьаӡа иит, ицәыр­
ҵит ананамгацәа, агәаҟцәа, атәцәа ирдинхаҵараны, ирхыхьчараны, ирфилософианы. Иит аурымцәа римпериа реиҳа
иаргәаҟуаз – ауриацәа рҿы. Раԥхьатәи ашықәсқәа рзыҳәан
уи хшыҩҵакы хадас иамазгьы ананамгацәа рҽеидыркыларц, рхақәиҭразы иқәԥарц, атәцәа ахьыԥшымрахь икылнагарц, еиднакыларц акәын. Ишнеи-шнеиуаз, ӷарра-беиарала ауаа рҽанырша, римтәи аимператор Константин
ихаан, официалтә динхаҵараны ақьырсианра анрыдыркыла,
аԥааимбарцәа иашақәаҵәҟьа, ақьырсианцәа гәҭылсақәа
шьны, инырҵәаны, рдинхаҵара аарҳәны, дара, иаԥызҵаз
ананамгацәа рхаҭақәа ирҿадыргылт. Хыхьчагас ишьҭырхыз
алаба, ауӷә аалхны, рыхәда инықәырҵеит. Уи адинхаҵара
ахшыҩҵакқәа руак – ауаҩы иԥсы ахьынӡаҭоу иԥсҭазаара
арбзиара, иаарҳәны, ауаҩы иԥсы ахьынӡаҭоу шаҟа дгәаҟуа,
шаҟа ичҳауа, убасҟак данԥслак изеиӷьуп, иԥсы ахьынӡаҭоу
иԥсҭазаара џьаҳанымзар, данԥслак иԥсҭазаара џьанаҭхоит
ҳәа иҟарҵеит. Аныхабаа амаҵзуцәа абри агәра дыргара
иалагеит ақьырсианцәа. Ҳәарада, ас иааҳәхьаз адинхаҵара
уажәшьта иаҳагьы ирыцәтәымхеит аԥсуаа.
Ҳазааигәахоит аԥсуаа Лыхнытәи рықәгылара ду. Аха
абри, Аԥсны наҟ-наҟтәи алахьынҵа аӡбараҿы ҳәашьа змам
аҵакы зауз ақәгылара аҟны ҳнеиаанӡа, иара ақәгылара
зыхҟьақәаз, итҟәацыз ахаҳә зыршқәаз иҵегь ҳрылацәажәап,
ҳаиҭазхәыцып. Ишаҳҳәаз еиԥш, Аԥсны еиҿаҳаны иҟан ҩ-динхаҵарак. Еиҿаҳаны иҟан ҩ-хырхарҭак, ипрогрессивтәыз,
иԥсеиқәырхагаз Урыстәыла адлареи, иреақциатәыз, Аԥсны
азыҳәан ихырҵәагаз Ҭырқәтәыла ахьынҳалареи. Авассалтә
ҳәынҭқарраҿы, ианакәызаалак, амчра рымпыҵаркуеит ауаа

ԥаршеицәа, избанзар урҭ рхатәы интересқәа рзыҳәан рыжә­
ларгьы рыдгьылгьы иреигӡом, рымгәажәи ртыԥи азыҳәан
зегьы рҭиуеит. Ижәлар рхы иҭагалауа, шьакаҭәара ҟамҵакәа,
Урыстәыла аҽазааигәатәра иаҿыз Қьалышьбеи ихылҵыз
амаҭаԥшь, инапала данҭаха инаркны, аԥсуаа еидызкылашаз,
изызхәыцшаз уаҩ дрымамкәа, ихуаадахеит. Ахуаадара,
ишдыру еиԥш, иахылҵуеит аҳәатәеиқәым-шәара, аҳәатә
еиқәымшәара иахылҵуеит цәи-мҵи реиԥш аихара, цәимҵи реиԥш аихара иахылҵуеит амчымхара. Ицәыҵагыланы
аиҿажьыҩцәа, аичырчаҩцәа рча иит, аамҭа дара иртәхеит.
Урҭ аԥаршеицәа, аԥсахыҩцәа, аҭиҩцәа ӷьычны изҭиуаз
ашьажәыҩцәа инарыцлеит ахәаџьацәа, амулацәа, апапцәа.
Арахь иаҳа-иаҳа ихьанҭахон Урыстәыла имҩаԥнагоз ако­
лониатә политика. Аҵәгьы мбылуа акәацгьы ӡуа ҳәа, ҟәы­
ӷарак ақәныҟәара ацымхәрас, ахаҳә аршра акәын изҿыз.
Убри ахаҳә тҟәацит Лыхны ашҭаҿы. Иҟалеит зеиуа ҟамлацыз
ақәгылара, ашьакаҭәара, анибарҵәара. Ҳаԥсы ҭаны аурыс
иколониатә политика ҳанышәом, ҳдинхаҵарагьы ҳаԥсахуам
ҳәа иқәгылеит ахуаада гәаҟқәа далаа, ҵабалаа, ахҷыԥсаа,
асаӡқәа, абжьаҟәаа. Егьырҭ зегьы ракәым, хашҭшьас иамоузеи ԥсҳәаа рытрагедиа. Аԥсны зегьы Урыстәыла ишадлара
иадлеит. Аԥсуа ҭауадцәа ракәыз, аурыс ихаҭарнак иакәыз,
уаҩԥсы ихымхәыцуа, рхатәы «ҳәынҭқарра» ҟарҵеит ԥсҳәаа.
Агаҿаҟа иааны иқәыланы ихынҳәны ицон реибашьыҩцәа.
Ауаа рнырҵеит ҭынч рҽынкыланы иҟазарц. Ҳамҩа аадыр­
тааит, ҳақәҵуеит рҳәеит. Аԥсны ахырхарҭа ҿыц ишьҭнахыз
шаҟа ипрогрессивтә мҩаз ахьырзеилымкааз аамышьҭахь­
гьы, урҭ рықәҵра аусаҿы аԥсылманра иахараз рацәан.
Аҭоурых иадыруеит имаҷымкәа убасеиԥш аҿырԥштәқәа,
апрогрессивтә хәыцра рыхганы, иааиуа аамҭа ҿыц рҽырзақәмыршәакәа, ирзеилымкаакәа, ашьаарҵәыра иҭагылалоит
ажәларқәа. Акаамеҭ ҟалоит анырҳәа, ахәац аблақәа ҭнахуан
ҳәа, ианшәа ирҳаны рыԥсадгьыл кажьны иқәҵлоит. Хара
ҳцарым. Иаҳхысыз аибашьра анеилгоз аламҭалазы, Асовет
мчра анышьақәгылоз, хыԥхьаӡара рацәала иқәҵит алатышцәа, алитовцәа, аестонцәа. Аамҭа набжьысит. Иқәӡаауеит

ҳәа икарыжьыз рыдгьылқәа рҿы рыжәлар еизҳазыӷьеит,
ироуит рхатәы економика, иҿиеит рмилаҭтә культура. Да­
ра, аемигрантцәа, алаҟьалақәа ирҩызаха, инкыдыгәгәало
идәықәын атәым тәылақәа рҿы. Абасҵәҟьа, алаҟьалақәа
иры­­дкыланоуп урҭ дышрыхцәажәо еицырдыруа алатыш
шәҟәыҩҩы Р. Езера.
Абарҭқәа рыдагьы, аԥсуаа жьаны амҳаџьырра иргеит ҳәа
аҳәара, амра каххаа иԥхон, иҵхы лашьцан уҳәар иаҩызоуп,
избанзар иара, ажәа «амҳаџьыр» иқәырцаз (изгнанник)
ҳәоуп иаанаго. Иқәҵны ицаз иакәым, иқәырцаз.
Абасала, аԥсуаа жьаны ишырымгаз, гаӡарала рыдгьыл
гәакьа шкармыжьыз еилаҳкаазар, уажәшьҭа ҳҽазаҳшәап
ицәаԥҽыгоу атеориа – аԥсуаа жьаны амҳаџьырра иргазшәа
ирҳәауа иаишьахаз аилкаара.
Сҵасымчала,акырынтә сазхәыцхьеит абри атеориа абаанагеи ҳәа, аха иналкааны сазааҭгылартә акы сзазкылымсит.
Амала, авариантқәа рацәоуп.
Акы. Усҟантәи аамҭазы, ахеиқәырхаразы, ҳара аӡәгьы
ҳақәимцеит, мчыла џьаргьы ҳимгеит, ҳшьа аӡәгьы икаимҭәеит, бзамыҟәқәак ықәҵны ицазар, ижьаны иргеит рҳәар,
иаанхаз иахьрыхәоз ыҟазар ауан. Амшә иакыз баба-баба
иҳәеит. Рхы иақәыӡбар, рхы иахарартәыр иаҳа иԥсеиқәырхаганы иҭагылазар ҟалоит.
Ҩба. Гәаӷшақә, аԥсуаа зцәымӷыз иаԥырҵазаргьы ҟалоит.
Хԥа. Иҟалоит, зыԥсадгьылаҿ иаанхаз иқәҵны ицаз
ирызгәааны, шәырҟәаҵ наҟ, уахь иаҳа еиӷьуп ҳәа анрарҳәа,
иқәҵны ицеит ҳәа, бзиа иубауа ауаҩы ушизаӷьуа еиԥш,
ирзаӷьны ирҳәазар, аха ишнеи-шнеиуаз, аамҭа аныбжьыс,
иашак еиԥш иаанхазар.
Ԥшьба. Ииашаҵәҟьаны амулацәа, ахәаџьацәа, ажәакала, агитаторцәа аԥсуаа ирылаҵаны ирыман шәаала Ҭырқәтәылаҟа, уаҟа шәыԥсҭазаара џьанаҭхоит ҳәа разҳәоз. Ҭырқәтәыла иаҭахын атәцәа. Иаҭахын аибашьыҩцәа. Урҭ ирҳәоз
шымцу шырдыруазгьы, агәра ргазшәа ҟарҵон изаҳауаз. Уаҳа
ԥсыхәа аныҟам, ииашоушәа, лак-ҩакрада агәра ҳгазшәа,
егьараан амц ҳақәшаҳаҭхахьеит.
Хәба. Иаҳгәалаҳаршәап аԥсуа даҽа милаҭк диламҩашьо

дҟазҵаз иҟазшьақәа руак. Уи дзықәшәаз егьа игәырҩа дузаргьы, уамак ҟамлазшәа, иаармаҷшәоуп ишиҳәауа. Иара
хьаас имоу изаҳауагьы хьаас ииҭарц иҭахым. Насгьы уамак
ҟамлазшәа ҳәауа, ихаҭагьы ихы алаиҟажоит, игәырҩа иаҳа
далаиааиуеит. Иҭахым, ицәымӷуп ахӡыргара. «Сара сзықәшәаз аҩыза адунеиаҿ уаҩԥсы дақәымшәацшәа, ԥхашьароуп...» – аԥсуа ицу философиоуп абри. Игәашәымҭахьеи,
зҵеи дҭахаз аб, адашшылацәа умацара уакәым, ҳазегьы
дҳаԥхеит, аҵеи бзиа дуцәҭахеит ҳәа аниарҳәалак, шәааԥсара
ани дабаԥсаз, гаӡажәк изыҳәан аранӡа шәышԥаауаз,
шәирааԥсеит ҳәоуп ишиҳәауа. Уи иҳәом сара сзықәшәаз
аҩыза иақәшәахьада, исцәыӡыз аҵеи иҩыза дызцәыӡхьада
ҳәа. Уимоу, ауаа ишырбо, ихы даасуа, игәы даасуа диҵәуаӡом. Агәырҩа дугьы, абзиабара еиԥш, ажәала еиҭаҳәашьа
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 30
  • Büleklär
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3316
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2349
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3340
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2352
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3345
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2250
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3328
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2316
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3385
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2344
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3340
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2306
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3345
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2368
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3324
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2290
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3285
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2281
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3325
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2308
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3339
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2313
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3318
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2348
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3280
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2285
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3350
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2310
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3316
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2353
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3308
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2351
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3323
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2369
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3363
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2349
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 19
    Süzlärneñ gomumi sanı 3351
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2342
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 20
    Süzlärneñ gomumi sanı 3304
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2412
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 21
    Süzlärneñ gomumi sanı 3400
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2398
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 22
    Süzlärneñ gomumi sanı 3355
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2328
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 23
    Süzlärneñ gomumi sanı 3464
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2309
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 24
    Süzlärneñ gomumi sanı 4490
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1950
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 25
    Süzlärneñ gomumi sanı 4507
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1947
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 26
    Süzlärneñ gomumi sanı 4637
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1904
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 27
    Süzlärneñ gomumi sanı 3881
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2004
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 28
    Süzlärneñ gomumi sanı 3326
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2241
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 29
    Süzlärneñ gomumi sanı 3292
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2241
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 30
    Süzlärneñ gomumi sanı 3355
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2227
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 31
    Süzlärneñ gomumi sanı 3411
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2257
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 32
    Süzlärneñ gomumi sanı 3351
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2322
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 33
    Süzlärneñ gomumi sanı 3328
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2331
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 34
    Süzlärneñ gomumi sanı 3423
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2326
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 35
    Süzlärneñ gomumi sanı 3404
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2300
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 36
    Süzlärneñ gomumi sanı 813
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 627