Latin

Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 28

Süzlärneñ gomumi sanı 3326
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2241
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Дцәырҳаны дааԥшит Зырҭыжә ахаҵа... Илаԥш налықәшәеит
мрашәа икаԥхоз, мзашәа икаҷҷоз Нарҭаа ран Саҭанеи
Гәашьа .
Урҭ рылаԥшқәа анеиқәшәа нахыс иҟалақәаз ҳәа Таииа
ишиҳәауази зыӡбахә сымоу ашәҟәы ишануи еиқәшәоит,
аиҭаҳәара аҭахым.
Инабжьаршәшәа исҳәап. Ԥсшьара арахь Латвиаҟа, Иурмала санаауаз, исыманы сааит абри ашәҟәы. Арахь мацароума, ақьырсиан дахьцалак ишимоу еиԥш абиблиа, сара убас
џьара санцо, есқьынагьы изгоит ари аизга. Ҭыԥқәак рҿы ҿырҳәала ишысҵахьоугьы, еиҭах иаартны саԥхьалоит.
Инацлоит даҽакгьы.
Сҩыза ду, Латвиатәи ашәҟәыҩҩцәа инарылукааша Марис
Гаклаис, уаанӡа ацыԥҵәахақәа еиҭеигахьоу иҵегьы инацҵа­
ны еиҭеигарц иҭахуп. Схатәы ҩымҭақәак санырхашәалалак,
Нарҭаа ражәабжьқәа нбанҵакыла еиҭазгалоит саргьы.
Аҭоурых иадыруеит ажәларқәа, ажәытәанӡа, ахаҵа иԥхашьара аԥсҭазаара адацс иԥхьаӡауа, абаҟа аздыргылауа аҟынӡа акульт ӷәӷәаны измақәаз. Иҳаранамкуазар, рҭоурых
ланарҟәуам. Ҳарҭгьы ажәытәанӡа уи акульт ҳамазҭгьы, аҳәамҭақәа ирылхны изкаҳажьрызеи?
Диашазма, аԥсуаа ахаҵа иԥхашьара акульт рымамызт

зҳәоз аурыс етнограф Чурсин?
Ҩажәак еихысҳәаалоит. Аԥсны акырынтә иаахьоу, дна­лсҩалсны избахьоу аҵарауаҩ қәыԥш Галина Старавоитова ус
дсазҵааит:
– Ишудыруа, аԥсуаа зегьрыла издыруазарц сҭахуп. Иахьуас­ҳәо саҭаумҵан, аха, ишсоуҳәара, аԥсуа ҳәсақәа аҩныҵ­ҟатәи ацәамаҭәа ршәырымҵаӡои? Ашәҟәы иануп, ажәытәан
рцәа-маҭәа рнапала ирсуан ҳәа. Напыласыра цәамаҭәак џьа­
ра­кыр, машәырла, инханы, адәахьы ицәны избозар ҳәа, акыр
снаԥшы-ааԥшит, аха анапыласыра акәым, иарбанзаалакь
аҳә­са рцәамаҭәак џьара шҭакаҿы ицәны исымбеит. Ма ҳахь­
неи­уаз, мамзаргьы ҳавсны ҳахьцоз, анхацәа рашҭақәа рҿы
шаҟаџьара избазеи амаҭәа ҟәашӡа иӡәӡәаны ицәны, аха
џьаргьы сылаԥш ақәымшәеит аҳәса аҩныҵҟатәи рцәамаҭәа.
– Иршәырҵаӡом. Европа тәылақәак рҿы амодницацәа
уажәы ҵасс иаԥшьыргаз, аҵкы амацара рышәҵара, аԥсуа
ҳәсақәа рҟнытәоуп ишыргаз, – сҳәеит лафны.
Аурыс етнограф ииашаҵәҟьаз џьылшьеит. Сыԥшын, ақьаад
анҵара даҿуп. Сааччан, илзеиҭасҳәеит, днымҩасны акәым,
реиҳа аҳәса ахьырацәоу аҩнаҿы дырҭааргьы, ашҭаҿы аҳәса
рцәамаҭәа цәны ишылымбауа, уи маӡак ишаҩызоу, атәым
блеи ахацәа рыблеи ишырцәырҵәахуа, асас ашҭа данааҭало
аԥҳәыс лцәа иаду амаҭәа ибла ианаахгыла, аԥшәмаԥҳәыс
деилыхны дибазар аҟара ишыԥхашьароу.
Даара дархәыцит, даараӡагьы илгәаԥхеит ари аҵас ԥшӡа.
Абри аҵарауаҩ илыхьыз ихьит, хымԥада, Чурсин.
Иҟалаз уиоуп, Чурсин аԥсшәа издыруамызт. Дзацәажәоз
абыргцәа асеиԥш иҟаз асиужет, акы, иарҳәомызт, ҩбагьы,
аиҭагаҩ еиҭеимгазар ҟалоит. Уи алацәажәара – аԥсуа жәлартә
медицина иаҩызоуп, имаӡоуп, иҵәахуп.
Хыхь иааҳгаз аҿырԥштәы аамышьҭахьгьы, ахаҵа иԥхашьара акульт аԥсуаа ишҳамаз бзиаӡаны ирҳәоит иҭыҵыз ашәҟәы иагәылоу ацәаҳәақәак. Шаҟа иӷәӷәаны иҳәоузеи уаҟа,
шаҟагьы аҵанакуазеи уи аԥсуаа рсахьаркыратә хәыцра
аилкаара азыҳәан.
Абриала мацарагьы Нарҭаа репос нарывагылоит иреиӷь-

ӡоу адунеитәи аепосқәа.
Зыӡбахә сымоу, Сасрыҟәа иишьа шыҟалаз атәоуп.
Ҟәбина аӡиас нырцә дықәгылоуп ахьча Зырҭыжә, аарцә –
Саҭанеи Гәашьа .
Игәы еибафо,
Ишьа еибафо,
Ҿымҭ-ԥсымшьа дгылан ҳамҭакы,
Нас ахьча имч зегьы неизакны:
– Уа, инеит, инеит! – ҳәа ибжьы наиргеит,
Иԥҭаҟәаха – ихҿагьы аҿынаирхеит,
Амацәыс еиԥш иара цырцыруа,
Адыд еиԥш адгьыл ырхыџхыџуа,
Ахҿа наҟәҵас адунеи инахаԥеит.
Ҵыхәаԥҵәара шрымам еиԥш Нарҭаа ражәабжьқәа, ҳәаак,
шәашьак рымам уи иагәылоу ахшыҩҵакқәа. Арк ирыз­
хаша аӡыржәтә хмаҷырк иузаркраҳа, аепос ду иагәылоу
ахшыҩҵакқәа зегьы адрама агәылаҵашьа амамызт, сҽагьазысымкит, егьаҭахымызт.
Иаахтны, мамзаргьы инықәырԥшшәа акәзаргьы, аепос
иамҳәауа асиужет ануаҳалакь, изыхҳәаау ухала еилукаартә,
ухала уазкылсыртә иҟам, хшыҩҵакык иадамхаргьы, сара
исхатәны, иҿыцны акгьы агәылам адрама. Иара убасҵәҟьа,
иагәылам аепос аҟны зыӡбахә смаҳац ахаҿсахьагьы.
Сара сҽазыскит, иахьынӡасылшаз шәара ижәбап, аепос
иагәылоу афырхацәа, адрама иаҭахны избауаз, рҟазшьақәа
иаҳа инарыҵшьуа, иаҳа ингәылырҭәаауа, саарыханы иаҳа
раарԥшра.
Адрама уажәы ишыҟоу аҟны инеиаанӡа, ҳәарада, иаман
авариантқәа рацәаны. Урҭ зегьы араҟа рылацәажәара аҭахым. Аха вариантк сгәаласыршәарц сҭахуп, избанзар уи
ианыԥшуеит, маҷк иаҵубаауеит аҵыхәтәантәи авариантгьы.
Адрама афырхацәа, аишьцәа Нарҭаа, уажәы, адрама ахьналаго инаркны, аханатә рхатәы хьыӡқәа шрымоу еиԥш акәымкәа, Актәи, Аҩбатәи, Ахԥатәи ҳәа, рыхьӡқәа рцымхәрас
хыԥхьаӡарала иҟан. Ус ицон адрама аҽеиҩнашаанӡа.
Избан?
Ишдыру еиԥш, адрамаҿы аконфлиқт ауп афырхаҵа иҟаз-

шьа аазырԥшуа. Аиҿагылара "аҳәатәеиқәымшәара" аныҟамла, афырхацәа егьҩымкәа, егьӡымкәа, иҟәызгаӡа, аӡәгьы
ихатәы хаҿы имаӡамкәа даанхоит.
Зхатәы ҟазшьа змам иоуам ихатәы хаҿгьы.
Нарҭаа рҳәатәы еиқәшәауа, хҭак еицҭадыршәуа, рыжә­
ҩа еибыҭан иахьынӡаҟаз, рызегьы неибанеиԥшын, аӡәы
ииҳәауаз иҳәар ҟалон даҽаӡәы.
Хаҿык еицрыман.
Хаз-хазы хаҵарақәак ҟарҵахьазаргьы, Нарҭаа рхаҵарақәа ҳәа акәын ажәлар ишырзырҳәоз, аӡәы иҟаиҵаз ахаҵара
зегьы еицырзеицшын, еицыртәын.
Ишнеиуаз, рыҩсҭаахә данырԥырхагаха, утәы-стәы ҳәа
ианеиха, аиҵашьыцра зҩаҿкы бааԥсха ианрыбжьала, амалмазара шшатәхаз еиԥш, ишатәхеит ахьӡ-аԥшагьы.
Дасу ихаҵара дналкааны иара ихьӡ ахызарц иҭаххеит.
Абарҭ азҩаҿкы бааԥсқәа утәы-стәы ҳәа аихареи ашьыцра
бааԥси ақыцбажә ахәарҽ шалҵуа еиԥш, иахылҵит ишьаҭарӡгахаз – ахуаадара.
Ахуаадареи аҳәатәеиқәымшәареи усгьы еицуп. Ишеицу
еиԥш мши ҵхи. Ажәакала, аишьцәа еиҿанагалаанза, акон­флиқт
роуны, дасу дзакәу рҟазшьақәа ааԥшра иалагаанӡа, Нарҭаа
ҳәа инеибанеиԥшны иҟазҭгьы, уинахыс рцәажәа­­­­шьақәагьы
еиԥшымхеит, рыхьӡқәагьы ҳәатәхеит. Еиҭасҳәахуеит, убри
авариант зысгәаласыршәаз, аҵыхәтәантәи авариант аҟынгьы
адрама аҽеиҩнашаанӡа дасу ихатәы цәажәашьа имам, иха­
тәы ҟазшьагьы инубаалом.
Аконфлиқт анцәырҵлакь инаркны зынӡаск даҽакхоит.
Аепос уазыӡырҩыр, Нарҭаа шәҩык аишьцәа ыҟан ҳәоуп
ишаҳәауа. Араҟа ахыԥхьаӡара аҵкыс амч акәзар ҟалап иаҳа
иҟоу.
Рыжәҩахыр шаҟа иҭбааз, иааишьа рмоуа рҽеибыҭаны,
мчылагьы хыԥхьаӡаралагьы уаҩ дрыхәом ҳәа аларҳәарц
азыҳәан акәзар ҟалап ажәлар убри ахыԥхьаӡара бзиа
изырбаз.
Рхаҵарақәа ҳамбозаргьы, фунқциақәас инарыгӡауа ҳзым-

дыруа иаанхаз рацәаҩхазаргьы, инарҭқәоуп ҳәа аепосаҿы
рыхьӡ ҳԥылоит, раҳәшьа Гәында-ԥшӡа днарылаҵаны, ҩажәихәбаҩык инареиҳаны.
Ҳәарада, аригьы маҷӡам. Убарҭ рахьтә ииухьаз ахаҵарақәа даҽа хаҵарак иаламҩашьо иаҳбо быжьҩык-ааҩык
иреиҳам. Адрама иалоугьы убарҭ роуп, Нарҭ Цәыцә даалхны. Уи, ахӡырымгаҩ Цәыцә, зхаҿсахьа аишьцәа зегьы рхаҿсахьақәа инарылукааша, утәы-стәы, хьӡи-ԥшеи ҳәа ахәыцра
зымԥангьы иҟам, ахаҵа ихаҵа, адрама иалаҵашьа сзамҭеит,
иаарбышьа амоуит. Ихӡырымгара ианаалоз асценахь ицәырнамгар акәхеит. Ус иӡбахә рҳәоит.
Асценаҿы дцәырҵны даҳбаӡом Нарџьхьоугьы, аха дналкааны ҩбаҟа ажәа ихҳәаатәуп.
Уи ихаҿсахьа ҳазааҭгыланы ҳазхәыцыр, аепос зегьы
аилкааразы иҳанаҳәо шьарда ирацәахоит.
Нарџьхьоу Нарҭаа ражәабжь аҟны д-Нарҭны даарԥшуп.
Драшьоуп. Џьарамзар-џьара ибааԥсны ихцәажәам. Арахь
иҟаиҵо маҳагьароуп. Нарҭаа драшьазар, Нарҭаа раҳәшьазаҵә
Гәында-ԥшӡа иара диаҳәшьаӡами? Иаргьы диаҳәшьазар,
дымҵарсны дышԥеиго, лыпату шԥаԥиҽуеи?
Аешьеи аеҳәшьеи еидкыланы ирылацәажәозар, ҳҿы
иҭамӡара Анцәа иҳаумырҳәан ҳәа уеизгьы-уеизгьы инацызҵо,
амаҳагьара зыхьӡыз, ижәла ихыхны ақыҭа далызцо, аԥсуаа
репосаҿы ҟалашьас иаиузеи абри аҩыза ахаҿсахьа?
Гәында-ԥшӡа лхаҭагьы, лашьцәа зегьы еиԥшны рбара
ацымхәрас, иаҳа дреиӷьылшьоит, дегьалылхуеит Сасрыҟәа.
Абарҭқәа урызхәыцыр, ма Гәында-ԥшӡа драҳәшьамызт,
мамзаргьы Нарџьхьоу драшьамызт угәахәуеит.
Ишԥеилкаатәу?
Иҟалазеи абраҟа?
Акыр зқьы шықәса зхыҵуа абаа аҭӡамц ҳаамҭазтәи ҩнык
инахаургылар иаҩызахеит абри асиужет. Ижәытәӡатәиз
асиужет иацҵахеит, иахаҳахеит, аҿатә аамҭазтәи аламыс.
Ҳәарада, реалисттә ҩымҭак еиԥш ҳазнеиуам афольклор,
аха афольклор аҿы иаҳагьы иааԥшуеит ажәлар ретика,
цәгьарас бзиарас иршьауа иарбану.
Нарҭаа драҳәшьазма Гәында-цшӡа? Драҳәшьан. Нарџьхьоу

Аџыр ԥаҵа дызусҭадаз? Уигьы драшьан. Хаҵаралагьы Сасрыҟәа иааимаикуан. Нас иҟалазеи? Иҟалаз уиоуп, Нарҭаа
раҳәшьа деимаркуеит ииааиуа дигарц хатәы ԥҳәысс. Аԥсуа
иахьатәи иламыс ала ҳазнеир, ихаҿы изаагом ари аҩыза
амаҳагьара. Аха ажәытәанӡа, иҟан аамҭак, ауаатәыҩса ҭын­
хаҭынҵыла, еишьа еиҳәшьала аизыҟазаашьа, апатуеиқәҵара
анрыбжьамыз, ианырзымдыруаз. Ҳәарада, уи аетап иахысит
аԥсуаагьы. Ашәҟәҩыра змаз, ажәларқәа рҭоурых иҳана­
ҳәоит аешьеи аеҳәшьеи реибагара ҵасны ишрымаз. Иаҳҳәап,
ажәытәтәи аурымцәа рцезарцәеи, ажәытәӡатәи мысратәи
афараонцәеи раҳәшьцәа ҳәсас иргон.
Ҳзагәылаларызеи усҟак ихараны аҭоурых, ешьарала
еизааигәаз, жәлак еицызхыз ҭауади-аамсҭеи рарԥарацәеи
ры­ҳәса хәыҷқәеи хаҵас ԥҳәысс еибагалон аԥсуаа ҳҿгьы,
аҩажәатәи ашәышықәса аналагамҭазынӡагьы.
Аамҭа цацыԥхьаза, ешьеи еҳәшьеи ахаҵеи аԥҳәыси
реиԥш аихәаԥшра иаҟәыҵцыԥхьаӡа (ус иҟамларгьы ԥсыхәа
ыҟамызт, избанзар аԥсҭазаара ахаҭа иднарбеит шьак злоу
рхылҵшьҭра шшарамшахоз) аепосгьы иаҳа-иаҳа иацәыӡуан
Гәында-ԥшӡа ԥҳәысҵас дшеимаркуаз иаахтны изҳәоз ажәақәа. Аха еиқәханы иахьанӡагьы иааӡеит лара деимакны
аишьцәа шеиҿанагало ахьаҳәауа асиужетқәа. Еиҳараӡак уи
ааԥшуеит Нарҭ Нарџьхьоу Гәында дымҵарсны дахьиго атәы
зҳәауа ановеллаҿы.
Иҳанаҳәоузеи, ҳзалацәажәазеи ахаҵа иԥхашьара акульти ажәытәанӡа ешьеи еҳәшьеи реизыҟазаашьеи атәы?
Иҳанаҳәо убри ауп, аепос ақәра иаҳагьы иарҵаулоит, иаҳагьы иардууеит. Ҵарауаақәак ирыԥхьаӡоит, аепос аниз
аматриархат хыбгаланы апатриархат анааиуаз аамҭазоуп
ҳәа. Сгәанала, аепос хараӡа еиҳабуп. Иааҳгаз аҿырԥштәқәа
иаҳдырбоит ус шакәу.
Иахьатәи аԥсуа иламыс шьаҭанкыла иахьацәтәымыз аҟнытә, адрамаҿы Нарџьхьоу даарԥшуп Нарҭаа драшьамкәа.
Ае­посаҿы иаадыруа Нарџьхьоуи адрамаҿы зыӡбахә ҳа­­ҳа­­­уеи
ахьеиқәымшәо рацәоуп, аха уаҳа ԥсыхәа амамызт, насгьы
ҳарҭ аепос аинсценировка ҟаҳҵомызт.
Ажәақәак Саҭанеи Гәашьа лхаҿсахьазы. Аҵарауаа ишаз­

гәарҭахьоу еиԥш, ари ахаҿсахьа аҭҭәаамҭа аамҭала иаҵа­
накуеит аматриархат ианасакьаҳәымҭаз. Ан лкульт аԥсуаа
рҿы ажәытәан даараӡа иӷәӷәан. Уи ахԥша иахьагьы инханы
иҟоуп. Ан илымҵаныҳәон. Агәаанагара ыҟоуп ажәа "анцәа"
"ан лцәа" аҟнытә иаагоуп ҳәа: Зан дзыԥхахьоу, ҟазшьалеи
ԥшра-сахьалеи иан илеиԥшнишьало аԥҳәыс дибар, сан
лцәа лхыскаауеит иҳәоит. Ан дылҩызахарц, анра рзиурц
рҭахын Анцәагьы "Анцәа" ҳәа ианизырҳәоз ҳәарада, араҟа
иазхәыцтәуп "анцәа" инарҭбааны аҵакала.
Аепосаҿы ан лҿаҳәатәы ҟалоит. Лаҵкыс еиҳабу аӡәгьы
дыҟам. Амчра зегьы лара илымпыҵакуп. Илгәаԥхаз ахаҵа лара
дылтәуп. Зырҭыжә дышизхьыз лара лоуп раԥхьа изҳәауа.
Усгьы наиқәҿылҭит: – Ааи, сара соуп,
Игәаӷьны зыбжьы уара уахь изыргаз,
Аха сыбжьы зсыргаз арстәи исызуаҳәом,
Аранӡа уааир, нас иуасҳәап!
Лыхшара рабацәа хазы-хазуп. Илыхшаз лара лыда аҳ
дрымамкәа ишааиуаз, ашьауардын аԥацәа анаҵԥраауа еиԥш,
лыхԥша иацәцо, лҿаҳәатәы иахыԥо иалагеит. Апатриархат
амчра аргара, зегь реиҳа иаарԥшуп Нарџьхьоу ихаҿсахьала.
Гәында-ԥшӡа дымҵарсны данига, Саҭанеи Гәашьагьы, амч­
ра, ахадара лымпыҵихит, избанзар дылмазҵааит, лара илгәамԥхаз ҟаиҵеит. Лара, иангьы еиҳарак дзылшәиуа, хымԥада, убри азоуп.
Ҳазааигәахеит Нарҭаа рытрагедиақәа руак – Ан лаҳра
лымырхит.
Аматриархат хдырбгалеит. Аха апатриархат амчра ма­
кьана инагӡаны ирымпыҵарымкыц. Абригьы иахҟьаны
аишьцәа хуаадахеит.
Абаагәара андыргылои ианыбгои рзоуп ианшәарҭоу,
иӷәӷәаҟацаӡа иангылоу, шәарҭарас иамоузеи!
Ианхуаадаха, хазы-хазы еихеит. Хыхь ишаҳҳәаз
еиԥш, амал-мазара еимаркит, иара убасҵәҟьа ишатәхеит
ахьӡаԥшагьы. Еиҟәышьшьаз абаагәара анышә шыбжьало
еиԥш, аиҵашьыцра рыбжьалеит. Арҭқәа зегьы лбоит Саҭа­неи

Гәашьа , аха акгьы лымчым. Лара ҩба деимаркуеит: ахада­реи
анреи. Зны уи амчра зегьы зымпыҵаку, илымпыҵлыжьырц­
гьы згәы иҭам, лымчра лымпыҵырхыр аҵкыс, илыхшаз ҭахар
рыгәхьаагьы зымкуа ԥҳәысуп, аха даҽазных, анра-аԥара
иацу агәыбылра, ан лцәанырра дҿанаҳәоит.
Ишсылшаз сыздыруам, аха абас, ҩ-цәаныррак деимаркуа
иаасырԥшырц сҭахын уи лхаҿсахьа.
Сазхәыцноуп аҵыхәахь сшаахо аепос афырхаҵа хада,
Нарҭаа ираԥхьагылоу Сасрыҟәа иӡбахә аҳәара. Дызлиааз
ртәы заа иаҳҳәар, ихаҭа иеилкаара иаҳагьы иаҳзымариахоит,
аӡиас аҟазшьа аилкаара шаҳзымариахо еиԥш иахьынтәаауа
анаҳдыруа.
Сҵасымчла, акырынтә сазхәыцхьеит абри ахаҿсахьа.
Ирҳәарц ирҭахыз аԥсуаа абри ауаҩ ила?
Христос изкыз ажәабжь хшыҩрҵагақәа, (апритчақәа),
неизакны ашәҟәы иананырҵа, иалҵит абиблиа. Ашәҟә­
қәа зегьы ирышәҟәу ари ашәҟәы, адинхаҵара ишазкугьы,
мыш­кы­зны, адинхаҵара анықәӡаалакгьы, иара аанхоит.
Иаанхоит ахшыҩ ду, ахшыҩ ҟәыӷа иарҿиамҭаны, иҟазаратә
рҿиамҭаны ишаанхаз еиԥш, аматанеира иахьаҟәыҵхьоу
аныхабаақәа. Изхысҳәаауа, аԥсуаа ҳзыҳәан библиак иаҩы­
зоу шәҟәны иҟалон Нарҭаа ражәабжьқәа жәытәнатә аахыс
ашәҟәы ианҵаны ирыма иаауазҭгьы. Ҿырҳәала мацара
ишааргозгьы, ҳажәлар рџьамыӷәа мҩаҿы Нарҭаа ражәа­
бжьқәа шаҟа ирыхәаз, раԥсуара ашьақәыргылара, рми­
лаҭра аиқәырхара шаҟа иацхрааз аҳәара уадаҩуп. Будда,
Магомед, Христос уҳәа инцәартәыз апророкцәа рхаҿсахьа­
қәа ҳрызхәыцны, Сасрыҟәа даҳгәалаҳаршәар, иаҳбоит урҭ
иҟарҵаз абзиарақәа, урҭ ртәык­ртәык иара ишилаз. Христос
ауриацәа рҿы данцәырҵыз, Сасрыҟәа, ишырҳәо еиԥш,
кәрыжәаа дрықәлахахьан. Христос ихаҿсахьаҿы реиҳа
ихадоу иарбану? Ауаа иԥсы рыхҭынҵара, рхаҵкы ацара. Уаҟа
урҭ аҩыџьа еизааигәаӡоуп.
Ҩбагьы, Христос дҭазырхо атәымуаа ракәӡам, иара итәқәа
рнапала дкыдҵаны дыршьуеит. Иашьцәа роуп Сасрыҟәагьы
ишьапы иҵахжәаны дызшьуа.

Даҽакгьы.
Христос идыруан иҵаҩцәа руаӡәк дшинаԥхоз, идыруан
дышҭахоз. Дзыбнамлазеи, ихы зимыхьчазеи? Уи идыруан:
ихаҭа иакәмызт уажәшьҭа ирҭахыз, иудеиаа ирҭахын иара
ишьа. Ишьа заҵәык акәын реидкылара зылшоз. Абар Сасрыҟәа изыҳәан аԥсуаа ирҳәаз: "Дышҭахоз идыруан, аха
дақәшаҳаҭхеит".
Афилософиа – ахаҵа дышхаҵоу дҭахароуп – ианаалоит
аӷацәа рҿаԥхьа, аха аишьцәа рыбжьара – сҭахозаргьы
схьаҵуам – иаҭыԥым, насгьы еиҳабы еиҵбыла апатуеиқәҵара
акульт асҟак иахьыӷәӷәоу аԥсуаа рҿы. Ара иҟалаз уаанӡа
иаҳҳәазоуп. Иашьцәа иԥсы шҭаз ианизеидымкыла, еиднакылар акәын ишьа.
Ҳҿынаҳхап. Дкыдҵаны дшыршьызгьы, данеиҭаи ашьҭахь,
дкыдҵаны дызшьыз рзыҳәан, бзиарамзар, цәгьара ҟаиҵом
Христос.
Ишьапы иҵахжәаны, аԥсрада гәыӷырҭа имамкәа дкажьуп
Сасрыҟәа. Иарбанзаалак ажәа кьынаак иҿыҵшәом дҭазыр­
хаз иашьцәа рзыҳәан. Издыруада абраҟа акәзар иахьы­ҵәа­
ху аԥсуаа адинхаҵара азыҳәан иахьфанатикцәамыз зы­х­ҟьоз
амзызқәа руак? Аныхачаԥа рхы ахҭнырҵауа изамҵаматанеи­
рыз, дара ргәаҵаҿы дныхачаԥаха, "исахьа анызҭгьы", анцәа­
хаҵара аамухыр, егьирахь џьара акала Христос ишьҭахь
имгылоз дара рҵеи, Сасрыҟәа.
Аԥсуаа динхаҵарак иаҳзаҩызоуп аԥсуара, нцәас уи адинхаҵара иахагылоуп аламыс. Арҭ аилкаара дуӡӡақәа ԥашәдацс ирымоу, ицәуа, ишьалашьынуа, ихьҟәыршәаны иҟазҵаз,
ажәлар рҳәамҭақәа роуп. Хазы-хазы ҳрыхәаԥшуазар, аҳәамҭақәа, шамахамзар, зегьы иналкааны, акы иазкуп. Аԥсадгьыл
ахьчара, аиҩызара, абзиеиба-бара уҳәа, ҷыдала цәаҩак, ма
ҩ-цәаҩак рааӡара атәоуп иаҳәо. Аиҿырԥшрала иаҳҳәозар,
ҳәамҭак ӡиаск ианеиҳаха, еилалаз ҩ-ӡиаск ирҩызазар,
Нарҭаа ражәабжьқәа еиԥшуп аӡиасқәа зегьы злалаз амшын.
Аԥсуак зыблала дзымбацгьы Нарҭаа ражәабжьқәа ҭиҵаар,
аԥсуаа здыруеит иҳәартә ргәы-ргәаҵәа дҭаԥшуеит.
Сара сҽазысымкит аепос шааҟоу еиқәырханы, диалогла

иааԥыҽҽны апиеса алхра. Иахьынӡасылшаз сыздыруам,
аха исҭахын, ԥсыхәа ахьынӡамоу, иахьынӡалшо, адраматә
закәанқәа иахьынӡарылаӡо, аепос иагәылоу ахшыҩҵак ха­
дақәа мырӡкәа, хырхарҭақәак нарыҭо, схы – сгәы иҭыхны,
сшьа – сда, иалхны, сзыргәаҟуа хшыҩҵакқәак зҳәауа, схатәы
ҩымҭак аԥҵара.
Адрама аҩраан ауадаҩрақәа зегьы раԥхьа игылан аформа аԥшаара.
Ишыжәдыруа, аепосаҿы афырхацәа зегьы хазы-хазы ановеллақәа рызкуп, еидҵоу рҿиамҭакны ицом. Дасу ихаҵара
атәы ҳәатәын. Излаҳәашьас иҟасҵарыз? Дасу дгыланы, иҟас­
ҵақәахьоу ҳәа ихала изҳәомызт. Аӡәы дҩагыланы абри абас
ҟаиҵахьеит ҳәа аибарҽхәара иалагар, акы, иԥшӡахомызт,
ҩбагьы, игәырҿыӷьгахон.
Акыр шықәса саргәаҟуан аформа аԥшаара. Аҵыхәтәан,
аԥсуаа ҳцәажәашьа иабзоураны, иазысԥшааит, сара сзыҳәан
иҿыцӡаз аформа. Аԥсуа хаҵа реиҳа изааигәоу ауаҩы, иаҳ­
ҳәап, иҷкәын дихцәажәозар, дшыбзиоу, иҟаиҵаз ҳәа иаахт­
ны ирҽхәара далагом, иҷкәын бзиарак ҟаиҵазар, иҟаиҵаз
иҳәоит, аха иҳәоит уамак акәымшәа, иааларҟәны. Сазхәыцит
аԥсуа абри иҟазшьа даҽакалагьы. Изааигәаӡоу ауаҩы
дизгәааҵәҟьаны дыҟазар? Уи иҟаиҵаз абзиарақәа имҳәар
амуазар, аха иҳәарц иҭахымзар? Ишԥаҟаиҵо усҟан? Абри
амҩа сықәланы сшазхәыцуаз, сазкылсит абри еиԥш. Нарҭаа
аӡәы ихаҵара иҳәоит даҽаӡәы, аха иҳәоит, дреигәырӷьаны
акәымкәа, аҵәы рхьишьырц. Изаҳауа еиликаауеит, зыӡбахә
иҳәо ауаҩы иҟаиҵаз ииашаҵәҟьаны ишхаҵароу, аха иа­
гьеиликаауеит, урҭ ахаҵарақәа иашьцәа пату шақәрымҵо.
Убасала иаарԥшхоит дара рхаҵарақәа, егьааԥшуеит реидым­
гыларагьы, адрамагьы иаиуит аконфлиқт.
Ҳәарада, даҽа шәҟәыҩҩык хшыҩзцарак иаҳа ахадара
наҭаны, аепос ихы иархәаны иҩыр илшоит даҽа ҩымҭак.
Убригьы Нарҭаа репос гәыцәс измоу ҩымҭахоит. Сара
еиҳарак сырзааҭгылеит абарҭ: ахуаадара, аиҵашьыцра, ажә­
лар ринтересқәа раҵкыс ахатәы интерес наҳаракны аргы­
лара, аӡәы иҟаиҵо аус бзиа аҵәы ахьшьра, апатуеиқәымҵара

уҳәа ирыхҟьауа.
Аԥсуаа ҳзыҳәан, ипроблема хадақәоу ируакхеит, аамҭа
иқәнаргылаз зҵаара духеит ҳҭоурых аҭҵаара, уи адырра.
Дызлыҵыз амилаҭ рҭоурых ззымдыруа ауаҩы, аинтеллигент
наӡа ҳәа акәым, акультура злоу, иааӡоу ҳәа узизҳәом, убасҟак
дуаҩыбжоуп. Ус анакәха, ҳдоуҳатә ҭоурых ашҟа ахьаԥшрагьы
ҳуалԥшьақәа ируакуп.
Латвиа, Иурмала, 1982

ЕИԤЫЛАЛАРОУП Ҩ-ИАШАК
Актәи алагамҭа
Ауаҩы иҩныҵҟатәи икультура шаҟа иҳараку, доуҳала
дахьынӡабеиоу иашәага-загақәоу ируакуп ихы дшазыҟоу.
Культура дуны иԥхьаӡоуп ауаҩы ихы алаф аналихуа, маҷк
иуморла ихы даназыҟоу. Ицәажәашьа арԥшӡоит, иналаршәҩаларшәны, ихгьы нҵәылихлар, ихы дахлафлар, насгьы
инаԥ­шуа анихлафуа, ианихыхәмаруа, дымгәаакәа, иаргьы
дры­лаччалар. Абри акәхап иаанаго ажәаԥҟагьы: «Иухыччо
урылачча». Аха, ҳәарада, алаф, аихыхәмарра уҳәа зегьы ҳәаакҳәаак рымоуп. Игәашәҭахьеит, реиҳа еизгәу, реиҳа еибаҭа­ху,
апатуеиқәҵара бзиа зыбжьоу роуп алаф еибызҳәауа.
Аԥсҭазаараҿ еиԥш, алитератураҿгьы, алафи аиумори иры­
моуп дара рхатә ҳәаақәа, рхатәы закәанқәа. Урҭ аҳәаақәа
ианыр­ҭыҵлак, ииасуеит агротеск ашҟа. Уи алитератураҿы,
аԥс­ҭазаараҿы алафи аиумори аҳәаақәа ианырҭыс, аиӷара
ар­ҵысуеит, ицәаԥҽыгахоит. Заӷәра зымпыҵҟьаз аҽуаҩ ди­ҩы­
зана­тәуеит изҳәогьы. Аҽы иахьаҭаху дагоит, дагьарԥхашьоит.
Аҩбатәи алагамҭа
Асахьаркыратә рҿиамҭа, ишыжәдыруа, иамоуп ахатә иаша.
Аԥсҭазааратә иашеи асахьаркыратә иашеи анеиқәымшәо,
уимоу, ианеиҿагылогьы ҟалоит. Ҩымҭак ҳаԥхьаны ҳанал-

галак, агәра ҳгоит, иҳанаҳәаз ииашаҵәҟьаны аԥсҭазаараҿ
ишыҟалаз, ҳхаҭақәагьы абри аҩыза ҳақәшәахьазар ауеит. Аха
ииашагәышьам, ирҵабыргым уи сахьаркырала, изалымҵит
асахьаркыратә ҩымҭа. Иҟалоит инарҳәы-аарҳәны, араҟа
ҳзыԥхьаз аԥсҭазаараҿ ҟалашьа амам, ихыҭҳәаауп, аха ҳгәы
иахәаны, ихшыҩрҵаганы ҳаԥхьеит, избанзар, сахьаркырала
ииашоуп анаҳҳәауа. Иреиӷьу аҩымҭа убри ауп иҳанаҳәо
сахьаркыралагьы ԥсҭазааралагьы ииашазар, урҭ аҩбагьы
алҩақи амцабзи реиԥш иузеицрымхуазар.
Ҳцәажәашьа хшыҩрҵагаха иахьыҟалаз азыҳәан, аԥхьаҩ
иҿаԥхьа аҭамзаара нышьҭаҵаны, ҳалацәажәап абарҭ ала­
гамҭақәа зхаҳҳәааз.
Салагарц сҭахуп аҿырԥштәы ала.
Усҟан ашкол сҭан. Аиҳабыратә классқәа рахь сҩеихьан.
Ашколаҿы ҳазхысуаз аамышьҭахьгьы, ԥсуа шәҟәыс иаасым­
ԥыхьашәоз самыԥхьакәа исаҩсыжьуамызт. Аԥсуа шәҟәқәа­
гьы усҟан уамак иаурацәахыз, иҵасхәым чыск иаҩызар­­­тәырц
иаҿын џьоукы. Шәҟәыҩҩцәақәак рҩымҭақәа ры­ԥ­хьа­ра
акәым, рыӡбахә аҳәараҵәҟьагьы уақәӡуан.
Ҳашнеиуаз, аӡыхь егьа иухәаҽыргьы, џьара ишхәыҵыҵуеиԥш, насыԥла, урҭ рыхьӡқәа алитература иазырхынҳәхеит.
Рҩымҭақәа ҵәахны измаз, имшәакәа ацәыргара иалагеит.
Акьыԥхь аҿгьы ицәырҵит. Алитература азыҳәан игәеиҵыхра
дуун уи. Арҵага шәҟәқәа ирнымызгьы ирылацәажәон, ҳаԥхьаларц иааганы иҳарҭон ҳарҵаҩцәа. Ашәҟәы абзиабара
инацлон ашәҟәыҩҩы дзықәшәаз, илахьынҵахаз ҳәа ҳарҵаҩы
иаҳзеиҭеиҳәоз, ибиографиа иҳазнарҵысуаз агәблыра.
Убас зыхьӡ-зыԥша ырхынҳәыз аԥсуа шәҟәыҩҩык иҩымҭа
ҳҵарц иҳадиҵеит ҳарҵаҩы. Ихаҭа ашкол данҭаз дахысуазаарын, иара ишидырҵәҟьоз иаҳзеиҭеиҳәон ҳаргьы.
Иаҳҵарц усҟан ҳарҵаҩы иҳадиҵаз аҩымҭа аҵкысгьы
хараӡа еиӷьқәаз, ҭоурыхлагьы ииашаз, сахьаркыралагьы
на­валашьа змамыз арҿиамҭа бзиаӡақәа имазаарын уи
ашә­ҟәыҩҩы, аха урҭ санрыԥхьа, ашкол саналга, саныҩеидасоуп. Уажәазы ҳарҵаҩы, бзиа ибаны, ишысҳәаз еиԥш,
иара ишидырҵаз еиԥш иаҳзеиҭеиҳәон аҩымҭа. Убри ауп
рыцҳарасгьы иҟалаз. Аиаша амацара акәымкәа, ахәахәагьы

иамазаап аестафета. Ауаҩы даныхәыҷу имцу иашоушәа
агәра иургар, аӡәык-ҩыџьак налшәар сыздыруам акәымзар,
аиҳараҩык, убри амц шрыцу мацара, ражәра инҭаргалоит. Уи
мацара акәындаз, рыԥсы ахьынӡаҭоу, убри амц, иашак еиԥш,
ауаа инарарҳәалоит. Аха урҭқәа анеилыскаа, ашьҭахь, акыр­
ӡа анҵоуп.
Ҳаԥсуа шәҟәыҩҩраҿы иреиӷьӡоу ҳашәҟәыҩҩцәа дуқәа
дреиуоуп зыӡбахә сымоу аҩымҭа аԥызҵаз, убри аҟнытә, ихьӡ
нҭкааны исҳәом. Аха аҩымҭа аламцәажәашьа амам, избан­зар,
уи ишьҭнахуа апроблема, излацәажәо азҵаара, алитерату­
ратә рҿиамҭа арамкақәа ирҭысуеит. Милаҭ зҵаароуп. Асеиԥш
иҟоу азҵаараҿы дыклассикзааит, акалам ҿыц иаашьҭызхыз
шәҟәыҩҩзааит, аиаша данавагыла, игха-ԥха мҳәакәа иааныжьлатәым. Уи иаанагом ихьӡ ҳҵәаӷәарц ҳашьҭоушәа. Иа­
ҳагьы дахьчоит. Ишԥааури, иреиӷьӡоу аҵәаҵлагьы иааҿало
аҵәақәа зегьы неибанеиԥшны иҟаԥшьуаркалеиуам, насгьы,
ҵәак ҽеины иҿамлеит ҳәа, аҵәаҵла зегьы зыԥсоу ланарҟәуам, бзамыҟәк иакәымзар, ашьапгьы аӡәгьы иҵиҟаауам.
Зыӡбахә сымоу аҩымҭа, имшәыцыз ҳахшыҩ қәыԥшқәа
изларанаҳәоз ала, гәаҟра дук иақәымшәаӡакәа акәзаап
аԥсуаа амҳаџьырра ишцаз. Ишыржьаз инаҵшьны иҳәар,
ижәлар дрыдгыланы, раӷацәа дрықәыӡбуеит ҳәа агәра ганы
иҟаз ҳарҵаҩы, ашәҟәы инапаҿы иаанкыланы даҳзаԥхьон:
«Шәара, ҳашьцәа ашьхаруаа, шәгәы иаҭахызар, бзиала
шәаабеит. Ҭырқәтәылан бзиарас иҟоу зегьы шәзыԥшуп,
џьанаҭ адунеи аҿы ижәбашт.Уи анаҩс, адгьыл иахьреиӷьӡоу
шәнаганы шәықәынҳархап, урҭ реиԥш адгьылқәа Ҭырқәтәыла ҵҩа змам ыҟоуп. Уа, ҳа ҳҿы, зегьы хәмарра-ччарада
гәхьаа уаҩы имамкәа, акы рыгӡамкәа ауп ауаа шынхо,
аҽадақәаҵәҟьагьы шьақарла ичоит, ҳҟабаққәа ракәзар,
урҭ рыԥҽыхақәа аӡы иаарҭатәо акамбашьқәа ӡаатәаланы
рыҽдырхьшәашәоит ашоура цәгьақәа раан. Убас ҳадгьылқәа
ирааӡоит ашәыр, ауҭраҭых уҳәа, абеиара зынӡа икажьӡоуп».
Абри ацыԥҵәаха ҳарҵаҩы данаԥхьалак, инацҵаны иҳаи­
ҳәон, амулацәа ирарҳәаз аԥсуаа агәра шыргаз, амшын
нырцә ассир ҳзыԥшызар, араҟа ҳзаангылом ҳәа илықәҵны
ишцаз. Абринахыс, ҳарҵаҩы далагон адинхаҵара ақәыӡбара.

Ажәакала, хьаада-баада акрыфарҭа ыҟоуп ҳәа зарҳәаз
ажәлар, (уаҩы иазгәеиҭаша, акрыфара акульт адунеихаан
измамыз, адгьыл кәаза, адгьыл барақьаҭ – Аԥсны ԥсадгьылс
измаз, аԥсы – адгьыл, аԥсы зыда ԥсыхәа амам адгьыл ҳәа
Аԥсадгьыл иахьӡызҵаз ажәлар), арахә реиԥш, еибаргәытәны,
еес, амшын инхибаҳәала ицеит.
Ашәҟәыҩҩы исеиҳәаз инацнаҵон сара схәыҷтәы фантазиа. Иқәҵны ицаз убарҭ ауаа аӷба рҭалашьеи, аџьыка ан­
рырҭо, аџьмақәа аеҳәа ранибагәалашьеи уамашәа еиԥшны
акәын ишызбоз.
Абас иаармарианы иҟалеит, аҳәеит, убри аҩымҭа, амҳаџьыраа рықәҵшьа. Ашәҟәыҩҩы наҟ далацәажәон урҭ аӷба
ианҭала изықәшәаз арыцҳарақәа, агәаҟрақәа. Иара итәала,
аԥхьаҩ даараӡа ирыцҳаишьар акәын урҭ. Ииашаҵәҟьаны,
амшын рхылашьа, рықәҵшьа шыҟалаз ҳәа ииҳәоз уамыԥхьакәа, ианықәҵ инаркны изықәшәаз налкааны уаԥхьар,
арыцҳашьара мацара акәым, гәаҵәа зызҭоу, инеимаҭәаны
дарҵәуарын.
Ашәҟәыҩҩы ихаҭа ишиҭахӡамыз, агәаҟра дуӡӡа иашамкәа иааирԥшит. Ишиҭахӡамыз зысҳәаз уи ауп, иара ианиааз,
аҭоурыхҭҵаара, аҭоурыхдырра даараӡа илаҟәын. Са­хьаркыратә баҩхатәратә цәалашәарала, интуициала, нас­гьы
афырхацәа рҟазшьақәа рыла, аиаша аԥшаара иҽазимшәеит.
Иалҵызеи? Шәыԥсадгьыл аҵкыс иахьеиӷьу аҭыԥ ыҟоуп
ҳәа аншәарҳәа зыԥсадгьыл казыжьыз, амшын агәҭан азҩа
ҿкы ахьшәылалаз, шәзықәшәаз арыцҳарақәа раҵкыс
еицәоу­­гьы шәықәнагоит, сҳәон ари аҩымҭа афырхацәа
рзыҳәан. Ирыцҳасшьоз ҩыџьа заҵәык ракәын. Ан мчымхеи
уи илымпыҵаԥсыз асабии. Амаалықь рыцҳа, аҩеидасха
ирымҭеит, дзыхшаз абзамыҟәқәа. Егьи, данԥслак, игәы иқә­
рыԥсарц уаԥсҵәык анышәнап згоз аҭаҳмада, убри анышәнапгьы даԥсамызт.
Аурок аан, аҩымҭа егьа инеиҵыхны ҳалацәажәаргьы,
уеизгьы-уеизгьы ихҳаркәшар акәын ахшыҩҵак хада ала:
аԥсуаа жьаны иргеит амшын нырцәҟа. Ицәаԥҽыгаз ари
атеориа, аԥсуак иаҳасабала, иара суаҩыбжанатәуан. Милаҭс
сзеиуоу ажәлар, ақьафураз зыԥсадгьыл казыжьуа, иахьеиӷьу

рбар, иқәҵны ицауа џьоукы ракәны иснарбон.
Аҩымҭа исанаҳәоз шхасҵозгьы, гәыҩбарак сызнарҵысуан,
схазы алкаагьы ҟасҵон: «Абарҭ, иқәҵны ицаз, ахәылакқәа,
џьанаҭ дгьылуп амшын нырцә ҳәа зыӡбахә рарҳәаз ад­
гьыл аҿы ицаны иаахьаз, зыблала избахьаз, дара зыгәра
ргашаз уаҳа аӡәы даарықәымшәаӡеи, аҭыҩра иҭакызма?»
Аҭаҳмадцәа иҳарҳәоз ажәабжьқәеи асахьаркыратә литератураҿы ҳзыԥхьози рыла акәӡан ҳара усҟан ҳҭоурых злаа­
дыруаз. Еиқәшәомызт дара убарҭ аҩба заҵәыкгьы. Амҳа­
џьырра азыҳәан аԥсҭазаараҿ исаҳақәоз зынӡаск даҽакын.
Ҳара ҳаҩнаҭаҿгьы уи иазкыз ажәабжьқәа рацәан. Сабду,
саб иаб амҳаџьырра дагахьан. Аҭара ақыҭан иҳажәлантәыз
ҭӡы заҵәыкгьы аанымхеит. Рынхара-рынҵыра ықәыццы­
шәаа иа­ныр­блы, иршьуаз аныршь, иқәцаны икарцоз атҟәацәа
дры­­лацаланы, дышқәыԥшӡаз, амҳаџьырра дшагақәаз, уаҟа
дахьнанагаз дзықәшәаз, даныҩеидас дыбналаны иаашьа­хаз,
дахьааиз идгьыл дшахырбааз уҳәа сабду ихааныз атаҳмад­­цәа
ирҳәоз ажәабжьқәа ҵыхәаԥҵәара рымамызт. Урҭ зегьы араҟа
иабаҭаху. Ашәҟәаҿы сзыԥхьози аԥсҭазаараҿы исаҳауази абас,
мши-ҵхи еиԥшу аҳа, ишеиԥшымызгьы, зегьакакәын ашәҟәы
иаҳәоз иаҳа агәра згон. Акыр саныҩеидасоуп ианеилыскаа,
ауаҩы ицәажәараҿ еиԥш, акьыԥхь аҿгьы амц иҳәар шалшауа.
(Усҟан акьыԥхь ианылоз зегьы иашаз џьысшьон.)
Аԥсуаа жьаны амшын нырцәҟа иргеит ҳәа атеориа цәа­
ԥ­­ҽыга иахылҵыз арҿиамҭа, сыгага еиԥш, сахьцалак исышь­
ҭан. Сҩеидасцыԥхьаӡа, ԥаса амҳаџьыраа рзыҳәан уи исна­
ҭоз агәаӷ, уажәы иааҳәуан ирԥхашьагаха. Ааи, уаанӡа урҭ
срызгәаауан, уажәы иԥхасшьо салагеит. Ауаҩы дзыхшаз,
иаб наԥхара бааԥсык ҟаиҵазар, ишиаҳауа, абри ауаҩ ди­
ԥоуп анырҳәалак, ишицәымыӷхо еиԥш, иԥхасшьон, ишсаҳауа амҳаџьыраа рыӡбахә иалацәажәар. Ҵаны, иҟан даҽа
сахьаркыратә ҩымҭак, уи иаҿагылоз, аха иахьынӡаҿагылоз
инагӡаны еилкааны исымамызт акәымзар. Уи ажәеинраалала
иҩын. Ашәа ианҵангьы ирҳәон. Саргьы ҿырҳәала исҵеит. Аб­ри
ажәеинраала хәыҷы уазхәыцыр, роман дук аҟара уанаҳәоит.
Амала, инагӡаны еилукаарц азыҳәан, акырӡа уазыҟаҵазароуп.
Аҭоурых адыррала уазыҟаҵамзар, еилкаашьа узаҭом, иаҳҳәап,

абри ацәаҳәа: «Аԥша анырзас ӷәӷәалашәа, ртәыла хәыҷы
рымнахырц...» Иаанагозеи, исахьаркны, поезиа бызшәала
абраҟа иҳәоу? Изакә ԥшоузеи ирзасыз? Ирымазкыда ртәыла?
Аҵаҩцәа ҳакәым, шамахамзар, арҵаҩцәа рзыҳәангьы ԥшаа­
шьа амамызт арҭ азҵаарақәа рҭак ҟазҵашаз алитература.
Ишысҳәаз еиԥш, иҟан акызаҵәык, аҭаҳмадацәа ражәабжьқәа.
Аа, абасшәақәа. Саби иареи шцәажәоз, уахык, амхаџьыраа
рзыҳәан абас ҿааиҭит ажәабжьҳәаҩ ду Кәыҵниа Таииа:
«Амҳаџьыраа гәаҟқәа, хьчак иҩызоуп ирыхьыз. Хьчак ацә­
ҳәыра дықәнакит. Аурҭ бааԥс ҵысит. Длаҳәит. Ихы ахьи­
гара изымдыруа, дгәаҟуа ацәҳәыра дықәхеит. Ииулак,
ҭыҩрак иԥшаан, иҽҭаижьит. Аҭыҩра мышәтәарҭазаарын,
алахьцәгьа, дылкагәа амшә дафеит». Итрагикомедиоу аб­
ри ажәабжь сгәаладыршәон, апоет ицәаҳәақәа. Араҟа,
Аԥсны ахьҭа, аҵаа аныцәгьаха, аԥша ӷәӷәалашәа ианас,
илықәҵны, иаҳа иахьыԥхарроу атәылахь ишцоз, амҩан
амшын цәгьахеит. Ԥыҭҩык ҭахеит, иаанхаз амшын илырны,
рхы ахьынахоз ицеит. Сара сзыҳәан уаҳа акгьы рҳәомызт:
«Аԥша анырзас ӷәӷәалашәа...» Акгьы рҳәомызт, избанзар,
ишысҳәаз еиԥш, ажәеинраала исанаҳәоз аҭоурых адыррала
ишьақәырӷәӷәамызт. Аҭоурых адырра ҳара ҳалахәдан. Арахь
ииашамыз аҭоурыхтә информациа ҳнаҭон асахьаркыратә
литература. Уи аиааира ус имариамызт.
Ицәырҵыр акәын уи иаҿагылашаз, ихзырбгалашаз даҽа
сахьаркыратә ҩымҭак.
Егьцәырҵит.
Ажәабжьын. Иахьӡын «Агәаҟашәа». Аригьы ҩуижьҭеи
акырҵуазаарын, аха аамҭала аԥхьаҩцәа ирцәыҵәахны иҟан,
изҩыз ихьӡ аҳәара ахьыҟамлоз иахҟьаны. Акырӡа шықәса
ҵхьаны, уажәааигәа еиҭах абри ажәабжь санаԥхьа, аҳәоуқәа
гәылыршәаны рышьақәгылашьеи, рыркьаҿшьеи, еилыхха
аҩышьеи, адәахьала «уахьынагәыдԥшыло» иажәабжь ласушәа, арахь, аҩныҵҟа иаӷроу атрагедиеи рыла уҳәа, ҳаԥсуа
шәҟәыҩҩы иҩышьа даараӡа исгәаланаршәеит Хемингуеи
истиль. Америкатәи ашәҟәыҩҩы заа иҩхьаны, ҳтәылаҿы
еиҭаргахьаны, нас аԥсуа шәҟәыҩҩы иажәабжь аԥиҵазҭгьы,

хымԥада, ҳакритикцәақәак, Хемингуеи диҿыԥшны иҩит ҳәа
наҳарҳәон. Изхысҳәаауа, убас зегь рыла ҟазара дула иҩуп
абри ажәабжь. Араҟа еилагам аҭоурыхтә иаша, ирҵабыргуп
сахьаркыралагьы. Дегьырзымжьеит, амҳаџьырра игәаԥхангьы дымцеит ажәабжь аперсонаж. Амшын данху, данааԥшлак, ибылны, иццышәноуп ишибауа имч мырхакәа дзылганы
дыргаз ишьха қыҭа.
Абри аҩымҭа инашьҭарххны иҭыҵит даҽакгьы. Уи иахьӡуп «Сара схәышҭаара». Ари апоема зҩыз, Анцәа иумҳәан,
аха убри ада имыҩӡаргьы, дышәҟәыҩҩы дуӡӡаны, ижәлар
дырҿахәҳәаҩны наӡаӡа даанхон. Ашьҭахь, акыр ҵхьаны,
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 29
  • Büleklär
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3316
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2349
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3340
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2352
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3345
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2250
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3328
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2316
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3385
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2344
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3340
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2306
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3345
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2368
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3324
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2290
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3285
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2281
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3325
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2308
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3339
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2313
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3318
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2348
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3280
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2285
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3350
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2310
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3316
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2353
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3308
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2351
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3323
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2369
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3363
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2349
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 19
    Süzlärneñ gomumi sanı 3351
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2342
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 20
    Süzlärneñ gomumi sanı 3304
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2412
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 21
    Süzlärneñ gomumi sanı 3400
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2398
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 22
    Süzlärneñ gomumi sanı 3355
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2328
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 23
    Süzlärneñ gomumi sanı 3464
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2309
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 24
    Süzlärneñ gomumi sanı 4490
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1950
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 25
    Süzlärneñ gomumi sanı 4507
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1947
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 26
    Süzlärneñ gomumi sanı 4637
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1904
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 27
    Süzlärneñ gomumi sanı 3881
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2004
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 28
    Süzlärneñ gomumi sanı 3326
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2241
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 29
    Süzlärneñ gomumi sanı 3292
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2241
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 30
    Süzlärneñ gomumi sanı 3355
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2227
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 31
    Süzlärneñ gomumi sanı 3411
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2257
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 32
    Süzlärneñ gomumi sanı 3351
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2322
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 33
    Süzlärneñ gomumi sanı 3328
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2331
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 34
    Süzlärneñ gomumi sanı 3423
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2326
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 35
    Süzlärneñ gomumi sanı 3404
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2300
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 36
    Süzlärneñ gomumi sanı 813
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 627