Latin

Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 26

Süzlärneñ gomumi sanı 4637
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1904
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
(Илзымычҳакәа, лыбжьы рдуны, гәыԥжәарала.) Ҳасабицәа!
Иабаҟоу сыӷра иҭшааз ҳасабицәа? Ишԥауаҳаи ажәҩанахьтә
абжьы? Анцәақәа зегьы иҳаиҳау, Афы ибжьы акәын. Уи ибжьы уанацымныҟәа, ԥсышьацәгьа уԥеиԥшхоит.

С а с р ы ҟ ә а. Баҟәыҵ, сгәаҟрақәа зегьы сгәалабмыршәан.
А ж ә е и ԥ ш ь а а р ҭ ы ԥ ҳ а. Хшара дҳаун думпыҵаԥсит, даҽаӡәы дҳаун, аҳәызба шукыз дахаҳаны дыԥсит.
Уашьцәа ирызкыдуԥааз аеҵәа ажәҩан ахь иурхынҳәаанӡа,
адау ицәугаз амца наҟ иуҭаанӡа, ухшара абас мацара
иумпыҵаԥслоит. Урҟәаҵ узҿқәоу. Ҳхы-ҳахшара, зегьрыла
ҳаҭәны ҳҟалоит. Ухаҭа уакәзар, дгьыли-жәҩани ыҟанаҵ, аԥс­
ра уацәыхьчахоит. Сара сеиԥш нцәахәык уиҩызахоит. Зегьы
урҟәаҵ. Уӡырҩы, снапаҵаҟа иҟоу аԥсаатә, уара иуеигәырӷьаны ашәа шузырҳәо! Уӡырҩы, нахьхьи, ахраҿы ихәмаруеит
ақәасабқәа, агыгшәыгқәаҵәҟьа уара иуеигәырӷьоит, урҭ
зегьы уаргьы саргьы ҳнапаҵаҟа иҟалоит. Ажәа заҵәык
уҳәар, ажәа заҵәык!.. (Сасрыҟәа алак-ҩакра даналага, ихы
дацәшәаны днаскьоит, Ажәеиԥшьаа рҭыԥҳа лшьамхы арсны,
лнапқәа ишьапқәа ирыкәыршаны, дылмышьҭырц далагоит.)
Иҟауҵахьоу узхоит. Иҭабуп ҳәа уазҳәода? Уашьцәаҵәҟьа
уара иуаӷацәоуп. Ацҳа уҵаԥҟаны убӷарҵеит, быжьра-быжьҵәа урышьҭит. Уаҳа усзеиқәырхом, сара исылшом даҽазнык
уеиқәырхара, саргьы сҭаурхоит, аха уаргьы уҭахоит. Уаангыл,
умцан!
Сасрыҟәа длак-ҩакуеит. Дцарц иҭахуп, аха лдоуҳа имамкәа дызцом,
насгьы игәы дашьҭуам, бзиагьы дибоит, дегьрыцҳаишьоит, гәырҩамзар,
гәырӷьарак ззааимгаз аԥҳәыс.

А ж ә л а р р ы б ж ь ы.
А к т ә и. Аӷацәа дәықәлеит ихыҵны. Нарҭқыҭ ашьаарҵәыра илагылоуп!
А ҩ б а т ә и. Сасрыҟәа дабаҟоу? Сасрыҟәа ида аӡәгьы
дрыхәом аӷацәа!
А х ԥ а т ә и. Дабаҟоу Сасрыҟәа, дабаҟоу амца ҳазҭаз?
А ԥ ш ь б а т ә и. Амца иҳауҭаз еиҭах адауцәа иаҳцәыргеит.
А к т ә и. Нарҭқыҭ амцахә ыцәоит, Сасрыҟәа мап анацәик.
С а с р ы ҟ ә а. Ибаҳауама абжьқәа иго? Ажәеиԥшьаа
рҭыԥҳа, сыԥҳәыс гәеицамк, бнацәа ахышә инкылырԥхан,
сым­ҩа ырлаша, сымҩа сықәҵа. Былԥха сыҭ. Сашьцәа рҿы
снеип, урҭ гәынхарак рымазаргьы, наҟ иаҳхаҳаршҭып. Ҳаицны ҳцап ҳаӷацәа рабашьра. Соужь!

А ж ә е и ԥ ш ь а а р ҭ ыԥ ҳ а (дҩагылоит, иаҳа агәаӷьреи
агәамчи лылаҵаны). Абраҟа сцәа иалоу уҵеи даахәаны
суҳәоит, уаҟәыҵ! Еиҭах еибашьра уанца, еиҭах ҳҵеидахоит.
Егьырҭ исыхшаз реиԥш, дҭахоит, ԥсынҵры иоуам аригьы.
Уара уҵыхәтәадахоит.
С а с р ы ҟ ә а. Ахҿа иаҩызаха, сгәаҵәахы иалаҟацоит
бажәақәа. Сара сыԥсы зыхҭнысҵо, сыззықәԥо акзаҵәыкоуп
– Нарҭқыҭи Нарҭааи ҳаиԥымхарц. Ҳадгьыл ҳахырбаауеит..
Сыԥҳәыс ҟәыӷа, Ажәеиԥшьаа дуқәа рҭыԥҳа, иҳахшо ҳаӷацәа
дмаҵуҩны дҟарҵар аҵкыс, дымгылаӡар иаҳа еигьуп. Сбыҳәоит, бнацәа ахышә инкылырҳәҳәаны, сымҩа ырлаша,
сымҩахь сышьҭы. (Ишьамхы арсны дгылоит лҿаԥхьа.)
А ж ә е и ԥ ш ь а а р ҭ ы ԥ ҳ а. Сара уаҳа сылшом, исылшом!
С а с р ы ҟ ә а. Бара Ажәеиԥшьаа дуқәа бырхылҵит, ибылымшо егьыҟам.
А ж ә е и ԥ ш ь а а р ҭ ы ԥ ҳ а. Ажәеиԥшьаа ҳаҵкыс
еиҳау анцәахәы дыҟоуп. Уи дургәааит уара. Сасрыҟәа сара
дсеиканит, ауаа сара ирысымҭоз амца риҭеит исыцәганы,
иҳәеит. Амца рыҭатәымызт ауаа, ирыҭатәымызт!
С а с р ы ҟ ә а. Нарҭаа нцәас иҳамоу аӡәы лоуп – ҳан,
Саҭанеи Гәашьа . Адәы ҳзықәугьы ҳаҳәшьа заҵә Гәында
– ԥшӡа лыхьчаразоуп. Соушьҭ сымҩахь, соушьҭ, сшыбзоу
сбымшьын!
Сасрыҟәа ишьамхы арсны длыҳәоит, имҩа ырлашаны доулышьҭырц.
Ихы лгәыдкыланы, лылабжышқәа хаҟәҟәала, ахышә дкылыԥшны
дыԥшуеит Ажәеиԥшьаа рҭыԥҳа.

Аԥарда
Ах ә ба т ә и а с а х ьа
Нарҭаа рынхарҭаҿоуп. Аишьцәа дрыгәҭылакуп ран, Саҭанеи Гәашьа.
Аҳәатәеиқәымшәара шрыбжьалаз удырыртә иҟоуп.

Н а р ҭ Д ы д. Аџьнышқәа ҳариааир, адауцәа рҿаархоит.
Урҭ ҳашрабашьуа, еиҭах аџьнышқәа ҿиахуеит. (Игәахы
ԥҵәаны, дгәамҵуа.) Ладагьы-ҩадагьы ацәқәырԥақәа згәыдсыло ахра иаҩызахеит Нарҭқыҭ. Цәқәырԥак хьаҳцеит шаҳ-

ҳәо, иаҳагьы еицәаха, даҽа цәқәырԥак наҳажәлахуеит. Ас
мацара изылшода, ҳгәахы ԥҵәеит?
С а ҭ а н е и Г ә а ш ь а (дуаҩы ҟәымшәышәханы, гәыбзыӷрала). Ус умҳәан, уан дукәыхшоуп. Сара шәзысхылҵыз,
Нарҭқыҭ ахьчаразоуп. Хьыӡрацара амҩа шәанықәло азыҳәан, аласа иалхны, шәызегьы амаҭәа ҿыцқәа шәзысԥеит.
Шәызегьы шәымаҭәақәа еиԥшны...
Н а р ҭ С и ҭ (игәамԥхакәа, аҵәы налаҵаны). Еиԥшны,
иагьеиҟараны...
С а ҭ а н е и Г ә а ш ь а (илгәамԥхеит ииҳәаз, лыблақәа
гәҩарак нархылоит, лҿаҳәатәык ҟамлазшәа). Иуҳәаз сзеи
лымкааит, Сиҭ? Иаанагозеи уажәақәа? Издыруада, даҽа ласа
ԥшқак иалхны, даҽакала, иаҳа еиӷьны иԥаны, уара узыҳәан
ирхиатәын ҳәа угәы иаанагозар? Издыруада, уара даҽа анык
улыхшазар?
Н а р ҭ С и ҭ. Уиаҟара бзацралазеи, сан? Анык ҳлыхшазаргьы, хаҵарала ҳаиԥшума ҳазегьы? Еиԥшны амаҭәақәа
заҳшәаҳҵарызеи?
С а ҭ а н е и Г ә а ш ь а. Шәызегьы ускоуп шәыззықәԥо,
ускоуп шәызҿу.
А и н а р - ж ь и. Шәызегьы анык шәлыхшеит, шәызегьы
еҳәшьак лоуп ишәыхьчо!
Н а р ҭ С и ҭ - и ԥ а У а х с и ҭ. Анык ҳлыхшеит, аха абык
ҳаихымшеит.
С а ҭ а н е и Г ә а ш ь а. Ҿумҭын! Сара усыхшеит, убриакоуп
уара иудыруазарц иухәҭоу. Уаб дызусҭоу уара уус алам!
Рызегьы ирцәымыӷханы, рҽынкыланы итәоит.

Н а р ҭ С и ҭ (иан илҳәаз наивжьны). Сара издыруазарц
сҭахын акрааҵуоу, уара Нарҭаа ҳжьи, ахшыҩ ҳарҵара уалагеижьҭеи? (Иашьцәа даарылаԥшны, еиҳарак ран лзыҳәан
ишиҳәо удырыртә.) Иара усгьы гәашәҭахьоу, реиҳа зымч
маҷу, реиҳа дыхшыҩрҵаҩха даақәгылоит.
Н а р ҭ Д ы д. Еснагь ҳсабицәаны адәы ҳақәу џьыршьоит..
С а ҭ а н е и Г ә а ш ь а (лара илықәкны ишырҳәоз лдырит, аха
даҽаӡәы иахь ииалгоит). Шәиааирақәа рҿы ибзоуроу маҷума

Аинар-жьи? Уи иакәымзар, шәыҽқәа шьаҿак рзыҟаҵомызт,
уи иакәымзар, иабаажәгоз адауцәа рыхқәа рыхсага рыҿқәа
цырцыруа имҩанышәҵо асақәа? Сасрыҟәа заҵәык Афы
ицәигеит иҟәну аса, шәара иабаажәгеи? Ишәҳәеи?
Н а р ҭ К ә ы н. Еиҭах Сасрыҟәа! Баргьы уи итәы балага!
С а ҭ а н е и Г ә а ш ь а (уажәы уи анра-ԥара лхашҭны, рхада
лоуп, ажәа лымакра згәаӷьыз, дҳашҳатәараха дықәлырхоит
адоуҳа ҟаҵаны). Уара, абас ажәа сымакра, абас ирымчны
сацәажәара згәаӷьыз!
А и н а р - ж ь и. Ахьышьаргәыҵа Саҭанеи Гәашьа, даҭабымҵан, адоуҳа ҟабымҵан! Иҟабымҵан!
С а ҭ а н е и Г ә а ш ь а (адоуҳа ҟалцарц лҭахны, лнапы
шьҭых, лажәа инацылҵарц дналагоны, лылаԥш наиқәшәоит
ашәхымс иаахыҵыз Сасрыҟәа. Иааишьа лгәамԥхакәа, лгәы
неиҭасны, лнапы аалалырҟәуеит, лажәагь неиԥхьбоит.) Иҟалазеи, Сасрыҟәа, иуааишьоузеи?
С а с р ы ҟ ә а. Сан! Сашьцәа! Еиҭах ҳаӷацәа ҵысит.
Аџьнышқәеи адауцәеи рҽеибырҭеит. Нарҭқыҭ иалаларц
егьрыгым. Абџьар шьҭаҳхроуп.
Н а р ҭ Д ы д. Урҭ раха ҳамам уажәы.
С а ҭ а н е и Г ә а ш ь а. Нарҭқыҭ ахьчара аҵкыс еиҳау усс
иҟоузеи?
Н а р ҭ К ә ы н. Ҳхы зқәаҳҵо, дасу ҳазқәиҭу аадыруазароуп.
С а с р ы ҟ ә а. Ҳхы зқәаҳҵо ҳадгьыл гәакьоуп, Нарҭқыҭоуп.
Н а р ҭ Д ы д. Кәын ииҳәаз иашоуп. Дасу ҳазқәиҭу, иаҳтәу
аадыруазароуп.
Н а р ҭ С и ҭ. Нарҭкыҭ Нарҭаа зегьы иаҳтәуп.
С а ҭ а н е и Г ә а ш ь а (уи ииҳәаз днеигәырӷьаны). Ииашоуп,
зегьы ишәтәуп. Шәызегьы еицышәтәуп иааҳамоу зегьы.
Н а р ҭ С и ҭ. Аҳәаха сыҭ зны. Нарҭқыҭ Нарҭаа зегьы иаҳтәуп, шәҩык аишьцәа. Шәҩык еицыртәу акәым, сара схала
истәу здыруазарц сҭахуп.
С а ҭ а н е и Г ә а ш ь а. Ус шәҳәома егьырҭгьы?
Н а р ҭ Б а ш н ы х ә. Абра иҟам, егьырҭ ҳашьцәагьы убри
ауп ирҳәо.

Н а р ҭ Қ ь е ҭ у а н. Дасу ҳабхәҭаақәа ҳдыруазар цәгьамызт,
(аҵәы налаҵаны) ахьышьаргәыҵа Саҭанеи Гәашьа . Уи бара
бгәы иалымсыроуп.
С а ҭ а н е и Г ә а ш ь а. Ус акәзар, раԥхьа ажәа имазааит
Сасрыҟәа.
Н а р ҭ С и ҭ. Уара узыҳәозеи, Сасрыҟәа?
С а с р ы ҟ ә а. Ҳажәҩа еибаҳҭап, сашьцәа. Ҳҳәатәы
еиқәыршәаны, абџьар еицышьҭаҳхып. Нарҭкыҭ еиқәҳархап.
Уаҳа акгьы сҭахым.
Н а р ҭ Д ы д. Уаҟәыҵ ахшыҩрҵарақәа. Уԥхамшьакәа иҳәа
узыҳәо!
Н а р ҭ С и ҭ-и ԥ а У а х с и ҭ. Ҳалгап ирласны. Дасу ҳтәыҳамаа еилҳаргап, нас ҳамҩа ҳақәлап.
С а с р ы ҟ ә а. Ибзиоуп, ирласны ҳалгап, ишәымуазар. Уаҳа
абхәҭаа ҳәа акгьы саҳәом, акгьы шәымаскуам, арахә, амал,
шәара ишышәҭаху ишәша, иҟалозар, ҳҳаԥшьа Ҩаӡамакьаҭ
сара исымаз. Убриак сышәҭ.
Н а р ҭ Б а ш н ы х ә. Баша судгылон еснагь. Сгәаҵәахы
ахҿа алоуҵеит. Саргьы Ҩаӡамакьаҭ саҳәарц акәын.
Н а р ҭ С и ҭ. Убриак умҳәан, Сасрыҟәа. Ҳҳаԥшьа Ҩаӡамакьаҭ аамышьҭахь, уаҳа даҽакы сҭахым саргьы.
Н а р ҭ Д ы д. Саԥхьа ишәҳәеит. Ҩаӡамакьаҭ сара еснагь
сеилаҳауан, шәгәы иалсыргьы, аӡәгьы исызшәыҭом.
Н а р ҭ Б а ш н ы х ә (иаса ҭкәыцәааны дҩагылоит). Абри
снапы иахьынӡаку, Ҩаӡамакьаҭ амԥан аӡәгьы шәнасышьҭуам.
Уи аҳаԥшьа аҵан иҵәаху жәдыруеит. Ажь жәлақәа ҵәахуп.
Ахьи абырлаши ираҩсуа, ажь рыц агәаӷьқәа!
Расақәа ҭых, аҳаԥшьа еимакны еиҿагылоит.

С а с р ы ҟ ә а. Ҳара ҳаимак зхароу, утәы-стәы ҳабжьазҵаз,
Ҩаӡамакьаҭ акәзар, сара аҭыԥ иқәысҵоит. (Днарылҟьаны
дцоит. Аишьцәа ирура рзымдыруа еилахоит. Инаишьҭаххны
ахәаџа иҩхаланы иԥшуеит.)
Н а р ҭ С и ҭ. Иҟаиҵозеи, уара?
С а ҭ а н е и Г ә а ш ь а. Аиашаҵәҟьа ҟаиҵоит.
Н а р ҭ Д ы д. Аҳаԥшьа ыҵихит.
Н а р ҭ К ә ы н. Клыхәра акаҵәараҿы иқәиргылеит.

Н а р ҭ Қ ь е ҭ у а н. Ҳдәықәышәҵа, машәыр ҟаиҵоит.
Н а р ҭ Си ҭ - и ԥ а У а х с и ҭ. Аа, аҳаԥшьа дагәҭасуеит...
Уҽаанкыл! Уа иргыл, уа иргыл аҳаԥшьа!
Н а р ҭ Д ы д. Ҳан, быбжьы иқәырга.
С а ҭ а н е и Г ә а ш ь а. Уи иҟаиҵо ԥсеиқәырхагоуп.
Н а р ҭ С и ҭ. Аҳаԥшьа бӷеиҵоит.
Н а р ҭ К ә ы н. Ибӷеиҵеит! Далгеит!
Ишанханы еилагылоуп. Инеиҿаԥшы-ааиҿаԥшуеит. Ашьшьыҳәа, акгьы
ҟамлаӡазшәа дааиуеит С а с р ы ҟ ә а.

С а с р ы ҟ ә а. Клыхәра акаҵәара инықәыргыланы,
ишсымчыз сагәҭасны иандәықәысҵа, ихаууала ицаны, Нарҭқыҭ агәҭа инкаҳаит Ҩаӡамакьаҭ.
Н а р ҭ Д ы д. Иԥҽыма? Уаҟа иҭаҵәахыз удыруама уара?
С а с р ы ҟ ә а. Иԥыххааса ицеит иахьынкаҳаз. Аҵан
иҭаҵәахыз агәаӷьқәа аӡахәа рхылҵып. Ирымазааит ажәлар.
Убри азыҳәан акәын изысҭахызгьы.
Н а р ҭ С и ҭ. Ажәлар рықәхга руҭеит, рықәхга!
С а ҭ а н е и Г ә а ш ь а (уаанӡатәи лгәалақәа лхаршҭны,
лыҷкәынцәа дрылабжьо). Акыр ззеилоу, акыргьы еимаркуеит
нан. Гәалақәак шәоузаргьы, наҟ ишәхаршҭны, шәабџьар
шьҭышәх, сыҷкәынцәа. Ажәлар шәзыԥшуп, ԥызара рзыжәу.
Н а р ҭ Д ы д. Ҩаӡамакьаҭ иҭаҵәахны иҳамаз ажь агәаӷь
жәлақәа анриҭа, уажәшьҭак иара ида ԥсы зхоу даҽа Нарҭк
дыҟоуп ҳәа иҟалашам ажәлар.
Н а р ҭ С и ҭ. Дырныҳәаларц азыҳәаноуп ажь жәлагьы
зриҭаз. (Сасрыҟәа иахь.) Рхы аҭыԥ иқәҟьаны, ирҳәо ируа
рзымдыруа ишеилоу убап.
С а ҭ а н е и Г ә а ш ь а. Иазхоуп уажәшьҭа! (Иаарымчны.)
Аӷацәа ақәлеит Нарҭқыҭ. Ауаа шәзыԥшуп, ԥызара рзыжәу!
Н а р ҭ Д ы д. Урҭ ԥызара рзаауп, аха ҳара, Нарҭаа ԥызара
ҳзызуа даадырырц ҳҭахуп.
Н а р ҭ Б а ш н ы х ә. Ҳара хыс иҳамоу Саҭанеи Гәашьа
лоуп. Уи адоуҳа иҟалҵо ада ԥыза даҳҭахӡам. Ҳан лоуп ҳара
ҳхада.
Н а р ҭ С и ҭ. Ҳан, уара уеиԥш саргьы пату лықәысҵоит.
Пату лықәысҵоит анык леиԥш. Аха аԥҳәыс дыԥҳәысуп.

С а ҭ а н е и Г ә а ш ь а. Уи иаанагозеи?
Н а р ҭ Қ ь е ҭ у а н. Бгәы иалымсын, ҳан, аха иаанаго,
аԥҳәыс ахаҵа хыс данимаз аамҭа цеит, ахаҵа иара ихы
ихагылазар бзиа ибоит ҳәоуп.
Н а р ҭ К ә ы н. Аԥҳәыс лажәа анбалҳәари ҳәа уаҳа
сзыԥшуам сара.
Уи ииҳәаз аӡәыр иамеикуама ҳәа лыҷкәынцәа дырҿаԥшуеит Саҭанеи
Гәашьа. Аӡәгьы ҿиҭӡом.

С а ҭ а н е и Г ә а ш ь а. Ахҿа рҭашәандаз слымҳақәа, абарҭ
реиԥш иҟоу ажәақәа смаҳакәа!
Н а р ҭ Б а ш н ы х ә. Бҳагымхааит, бара быда ан дҳамаӡам,
ҳбыхшеит, ҳбааӡеит! Уи маҷым.
Н а р ҭ Д ы д. Аԥҳәыс илызхоит дахьану.
Н а р ҭ К ә ы н (аҵәы алаҵаны). «Мрада дкаԥхоит, мзада
дкаҷҷоит, Саҭанеи Гәашьа !» Хадас иҳамоу! Хыс иаҳхагылоу!
Еибарччоит. Ԥыҭҩык ишахдырҟьацәаз дырны иԥшуеит. Сасрыҟәа ҿымҭ
ицәымыӷханы дгылоуп.

А и н а р - ж ь и. Шәыхшыҩ аҵкыс шәымч аиааира
иаҿуп. (Аҳаҭырқәҵареи ахыларҟәреи ихашҭны.) Иахьакәым
шәкылнагоит уи, ишәҳәо цқьа шәазхәыц! (Игәалашәеит
дзацәажәо зусҭцәоу.) Шәазхәыц, Нарҭаа дуқәа.
Ахан дылбааны дааиуеит Г ә ы н д а - ԥ ш ӡ а.

Г ә ы н д а - ԥ ш ӡ а. Сызкәыхшоу, баагәарас исымоу, сашьцәа дуқәа, амҩа хьанҭа шәанықәло аамҭазы, ишыҟашәҵац
еиԥш, ашәаҳәара, акәашара хшәыртлозар, саргьы снашәылагәырӷьар сҭахуп. Акыс сыԥхыӡқәа ҽеим, сгәы аасхасыршҭып.
Н а р ҭ Д ы д. Ԥхыӡымш ббааит, ҳаҳәшьа. (Гәында
дналыдгылоит.) Бара быԥхыӡ змырҭынчыша хьаа цәгьа боуам, ҳара ҳаԥсы ҭанаҵы.
Г ә ы н д а - ԥ ш ӡ а (аишьцәа еимакык шрымаз дырны).
Иҟалазеи? Шәыԥшышьақәа сгәаԥхом. Акыр шәыхьма?
Н а р ҭ Б а ш н ы х ә. Гәында-ԥшӡа, ҳаҳәшьазаҵә, бара
боуп ҳара ҳашәаҳәара, ҳакәашара. Уахь быҟаз зны. Ҳара,
ахацәа, акы ҳалацәажәоит.

Г ә ы н д а - ԥ ш ӡ а. Ацәалашәара бааԥс соуны сыҟоуп.
Издыруада Хәажәарԥыс машәырк дақәшәаны исашәымҳәозар? Адауцәа игәаӷ рыман.
Н а р ҭ К ь е ҭ у а н. Деибга-деизҩыда абӷацымкыраҿ
дшәарыцоит, бара быԥсықәара. Бгәы рҭынч ҳаҳәшьа.
С а ҭ а н е и Г ә а ш ь а. Шәаҳәшьа изылцәыжәӡозеи
ишәыхьыз. Ишәҳәа иаахтны.
Г ә ы н д а - ԥ ш ӡа. Ирыхьзеи, сан?
С а ҭ а н е и Г ә а ш ь а. Башьцәа утәы-стәы ҳәа еихеит.
Насгьы аиҵашьыцра бааԥс рыбжьалеит.
Г ә ы н д а - ԥ ш ӡ а (бжьаҟазарала). Гәында-ԥшӡа лашҭа,
Гәында-ԥшӡа лхан, Гәында-ԥшӡа лӡыхь рҳәоит, убас сашьцәагьы хазы-хаз рыхьӡқәа џьара акы иахызар рҭахуп. Уи
мариоуп, сан!
С а ҭ а н е и Г ә а ш ь а. Ажәлар ҩагылан, абасҟак абзиара
ҳзызухьоу, аишьцәа рыхьӡ ахызааит ҳәа Еҵәаџьаа рыхьӡ
рхырҵеит, уаҳа ирҭахузеи? Уи рнысычҳап, аха нычҳашьас
иамоузеи, ран лҳәатәы харымҵо иахьалагаз? Убри азоуп,
баргьы быԥхыӡқәа зҽеим. Цқьа ираҳәа ԥхыӡ иббаз.
Г ә ы н д а - ԥ ш ӡ а (лашьцәа реиҳа изалҳәара длыздыруам).
Схы ахьнықәысҵаз, убас ԥхыӡла избеит: ҽыҳәҵәыла ҳаихатәы гәашә данас, ҳгәашә ҿаӡамкәа иҿжәаны илкаижьит хаҵа
уа­мак. Дуаҩызу ддаузу, мамзаргьы дыџьнышзу цқьа еилкааны
исымбеит. Агәашә анҿижәа, ахан дааҩнаххын, саамҵԥааны,
ашьауардын асыс ԥшқа шамгара, иҽыхәда сықәжьны сигеит.
Сшыҳәҳәоз, сцәырҳаны сааԥшит.
Нарҭаа ираҳаз рцәымыӷхан, инеихәаԥшы-ааихәаԥшуеит. Зхы ҵнагаз
реимакаҿы ихьаҵыргьы цәгьа ирбом, аха уажәшьҭа иадхьымӡӷкылеит.

Н а р ҭ Б а ш н ы х ә. Хәажәарԥыс бахьизхәыцуа, ихынҳәра
бахьахыццакуа ауп ус аԥхыӡқәа зыббо. Нарҭаа ҳазгәаӷьуа
макьана дмиӡац, дихьазаргьы дымшәыц. Бца бхан ахь, бгәы
рҭынчны быҟаз.
Г ә ы н д а - ԥ ш ӡ а. Сцәалашәарақәа ҽеим, сашьцәа
сшәыкәыхшоуп. Есааира иазҳауеит ҳаӷацәа рхыԥхьаӡара.
Зегьы сымҵарсра иашьҭоуп. Сыԥшӡара, сызлаҟаӡам ала

иацҵаны, ахара аӡбахә наҩуа мацара, ишәарҭахеит. Аха
шәара шәыжәҩа еибыҭанаҵ, сара акгьы сацәшәом.
Гәында дыргәыбзыӷны лхан ахь дрышьҭуеит.

С а ҭ а н е и Г ә а ш ь а (аҿымҭра ашьҭахь, лымпыҵышшара
иалагаз ахадара лҽанмыршәо, ԥаса ишылҳәацыз еиԥш, агәамч
аҵаҵаны). Адоуҳа ҟасҵеит, аиааира шәзыԥшуп. Шәабџьар
шьҭышәх, Нарҭаа дуқәа.
Аӡәык-ҩыџьак ақәԥараз рыҽдырхиоит, даеа џьоукы рыҽдырҵысӡом.
Илҳәаз агәхьаа ркуам.

Н а р ҭ Д ы д (иаса аҭра иҭирҵәраауеит). Абри иалымшо,
акгьы алшом бара бдоуҳа. Сара ахьӡ-аԥша сызҭо абриакоуп.
Н а р ҭ С и ҭ. Ииашоуп ииҳәо. Ан лцәа шәхыркаауанаҵы, ан
лдоуҳа шәыманаҵы ҳәа ҳарҳәо мацара, ҳарҩашьны ҳрыман.
Еснагь ҳсабицәам. Нцәас, доуҳас иҟоу мчуп.
С а с р ы ҟ ә а. Ан лдоуҳа ҳаиднакылоит, убриоуп уи
мчыс иамоу. Амҩа ҳақәышәҵа, сашьцәа.
С а ҭ а н е и Г ә а ш ь а. Шәзааӡаз агәыԥҳәыхш аахәаны
сшәыҳәоит, шәабџьар шьҭышәх. Аӷа дааигәахеит.
А и н а р - ж ь и. Шәан илҳәаз ажәа даараӡа ихьанҭоу
ажәоуп.
Н а р ҭ К ә ы н. Ҳара абџьар шьҭаҳхуам ҳамҳәеит...
С а с р ы ҟ ә а. Бажәа ҳәа ҳан. Адоуҳа ҟаҵа. Амҩа ҳақәлоит.
Н а р ҭ К ә ы н. Шәизыӡырҩи! Ҳара зегьы ҳаҵкыс иара
ахаҵара илоуп ҳәа ахьиԥхьаӡо аамышьҭахьгьы, еиҳабы еиҵбы дизымдыруа, ахшыҩгьы ҳарҵара даҟәыҵуам Сасрыҟәа.
Ҳара ҳаибашьлап, аџьнышқәеи адауцәеи нҳарҵәалап, уара
ахьӡ угалап... Ус акәу?
А и н а р - ж ь и (дазымхәыцӡакәа, еилазкшаша ажәа
иамхаҳәоит). Еиҳабы-еиҵбыла акәым ахаҵареи ахшыҩи
шыҟоу. Дшәеиҵбызаргьы ажәа бзиа иҳәеит Сасрыҟәа.
Н а р ҭ С и ҭ (Аинар-жьи иахь). Иаҳхашҭыз, уара, ҳжьи
уакәҵәҟьами ацаҟьа данызхыз... Ишԥасҳәари, ацаҟьа дагәылԥҟаны адәы дықәызҵаз! Нас ишԥаҟауҵеи? Аа, аиеиҵәҟьа,

аџыр рҭәаны ихәлаҭәо, иҟырҟы урхәхәеит. Уи зегьы даараӡа
ибзианы иҳауҳәеит. Ҳаргьы агәра аагеит. Аха, ишсоуҳәара,
аҟәыӷа ду, Аинар-жьи, иабааигеи аԥхьарцарҳәаҩы, иԥхьарца
ианҵаны, ажәлар ырӡырҩуа, ииҳәоз ажәақәа?
А и н а р - ж ь и. Иарбан ажәақәоу, сара акгьы смаҳаит.
Н а р ҭ С и ҭ - и ԥ а У а х с и ҭ. Уара иумаҳац, жәлары зегьы
ираҳахьеит. Аа, уӡырҩи, инеимда-ааимдо ирҳәақәо уаҳап.
А ж ә л а р р ы б ж ь ы (аӡәаӡәала ицәырҵны ражәақәа
рҳәоит).
Актәи
Уаа, зыбжьы газ Гәашьа боума?
Быбжьы збыргаз сара сзоума?
Аҩбатәи
Бара бакәзар, Гәашьа хәаша,
Снеины бызбар ҟалауама?
Ахԥатәи
(Аԥҳәыс лыбжьы ихаҵаны).
Ааи, сара соуп.
Игәыӷьны зыбжьы уара уахь изыргаз!
А ԥ шь б а т ә и
Ари еиԥш заҳаз Зырҭыжә,
Нырцә дахьгылаз игәы ааҭӡыӡеит.
Актәи
Ажәа заҵәык басҳәоит, бааӡырҩишь, – иҳәеит.
Быхцәы жәпа ааҵакишь, – иҳәеит,
Бсахьа аасырбеишь, – иҳәеит.
Ахԥатәи
Иуҭахыз абри аума? – ҳәаны,
Иара иахь даахьаҳәны даагылеит лара,
Аҩбатәи
Дгылеит, аха дышԥагылеи лара
Мрада дкаԥхо,
Мзада дкаҷҷо, Саҭанеи Гәашьа.
Ажәлар рхаҭарнакцәа, ишааиз еиԥш, ашьшьыҳәа ицоит.

Н а р ҭ Д ы д. Ҳара ҳзыхшаз, згәыԥҳәыхш ҳааӡаз ҳан
абасеиԥш аԥхьарца данҵаны, ажәа цәаԥҽыгақәа лзызҳәаз,

уара, афуҟаражә сҳәан, сҟама ааҭԥааны ихы неихыскәыцәааит! Аха ииҳәашаз иҳәахьан, ажәлар ираҳахьан.
Н а р ҭ С и ҭ. Ҳара аб дҳамоуп, уи ида даҽаӡәы длыздырӡом ҳан ҳәа раҳҳәеит иӡырҩуаз.
С а ҭ а н е и Г ә а ш ь а. Шәара ишәхашҭит сызусҭоу.
Ицәгьамызт убри цкьа шәназхәыцыр! Сара исҳәо изуа сақәиҭуп. Хыхь, ажәҩанаҿ – ан лцәа, лыхԥша, ҵаҟа, адгьылаҿ
– ан лхаҭа, уаҳа аӡәгьы дыҟаӡам! Ан илеиҳау уаҳа аӡәгьы
дыҟаӡам! Абри шәхашәмыршҭын.
А џ ь н ы ш ҭ а к ә а ж ә (ахәадаҿы даацәырҟьоит дшеилаҳәац, алаҳәахӡеиԥш еиқәаҵәоу маҭәала деилаҳәаны, Шьашә
рарбаӷь дақәтәаны). Аҳа! Сгәарԥса бықәшәара иаҿуп аԥҳәыс
хамаԥагьа – Саҭанеи Гәашьа! Рыбла хтуа иалагеит ахацәа,
рыблақәа! Ршьамхқәа хыжәжәахьан ишбымҵаныҳәоз. Ажәҩанаҿ ан лцәа, адгьылаҿ ан лхаҭа! Анысгьы абысгьы Нарҭаа
ирымоу Саҭанеи Гәашьа ! Егьырҭ анацәа бызлаҳаиӷьузеи?
Рыблақәа хыстит быҷкәынцәа! Шәҳәатәы еиқәымшәо, еиҳабыеиҵбы дышәзымдыруа, шәыхәдацәақәа ҵибакааны, шәықәибахуа збароуп. Ҳа-ҳа! Уеиха, Шьашә рарбаӷь, уеиха! Ҳара
ҳтәы иагоит иаарласны. Абзацәа ԥсны, аԥсцәа гылараны
иҟоуп. Шәи-иу, шәит!
С а ҭ а н е и Г ә а ш ь а. Шәыԥшы, Нарҭаа дуқәа, аџьныш
ҭакәажә дшышәхыччо!
Н а р ҭ К ә ы н. Изхарада?
Азҵаара ԥыҭрак ҿымҭ еиланархоит. Уара иухароума, сара исхароума
ҳәа аанаго инеиҿаԥшы-ааиҿаԥшуеит.

С а ҭ а н е и Г ә а ш ь а (убри илхаратәуа, азҵаара зызкыҵәҟьоу лара шлакәу лзымдыруашәа). Бысҭыҳә, аџьныш ҭакәажә,
шьашәы иҭарблыша!
А џ ь н ы ш ҭ а к ә а ж ә. Уахьынаҵыслак улымҳа ҵнахуеит:
«Анацәа зегьы Саҭанеи Гәашьа дреиӷьуп! Ахьышьаргәыҵа Саҭанеи Гәашьа! Адгьылаҿ Саҭанеи Гәашьа! Ажәҩанаҿ
Саҭанеи Гәашьа! Ахацәа шәабаҟоу, ахацәа? Дахышәҳәа!
Шәхадара лымпыҵышәх! Ҳа-ҳа-ҳа! Ажәлар рҿы аԥхьарца
данҵаны илхыччо иалагахьеит ахьча Зырҭыжә длымоуп ҳәа!
Ҳа-ҳа! Убас, убас, шәҿыха ахацәа, шәҿыха!»

С а с р ы ҟ ә а. Быбз ҭахысҵәап, амышьҭацәгьа!
Н а р ҭ Д ы д. Уҽаанкыл, Сасрыҟәа. Лыҷкәынцәа ирмыхәазт аҭакәажә дыршьит ҳәа ахьӡ бааԥс ҳхумҵан.
А џ ь н ы ш ҭ а к ә а ж ә. Уеиха шьашә рарбаӷь! Уареи сареи
иаҳтәхоит Нарҭқыҭ. Дкашәкаҷо аџьнышқәа ҳаҩны дыҩнагы­
лап, Гәында ԥшӡа. Уеиха, сарбаӷь! Шәииу-шәит! (Дцоит.)
С а ҭ а н е и Г ә а ш ь а (дахымԥо иӡбаны, ирџьбараны,
Нарҭаа дшырхадоу рдырыртә). Шәааӡырҩы, сыҷкәынцәа!
Ишәхашәмыршҭын ишәасҳәо ажәа. Шышкамс хкык ыҟоуп,
абажә ианалҵуа, амҵәыжәҩақәа амоуп, нас иара ахала иҿнафаауеит амҵәыжәҩақәа. Изымԥырӡо, иҳәарсалеиуа адгьыл иаақәхоит. Шәара мҵәыжәҩас ишәымоу аидгылароуп,
аҳәатәеиқәшәароуп. Иахьанӡа сара сажәа шәаанагон шәеидкыланы. Сара сышәхылаԥшуан.
Н а р ҭ Д ы д (лажәа днаԥыҩланы). Ахьышьаргәыҵа
Саҭанеи Гәашьа, бара ҳан боуп, уи аӡәгьы мап ацәикуам.
Бахәаԥш, абӷацамкыра иахаԥыруа ашьауардын. Убригьы
аԥацәа ирхатәаны, ирхылаԥшуа иааӡоит, ишнеи-шнеиуа,
ашьауардын хәыҷқәа духоит. Урҭ ирҭаххоит, ран амҵәыжәҩа
иныҵԥрааны, рхала иналалар ажәҩан.
С а ҭ а н е и Г ә а ш ь а (иаарымчны). Сажәа сырҳәа!
Ԥсаатәыз, шәарахыз, ԥсы зхоу зегьы ирымоуп аԥхьагыла,
аԥыза. Уара, Дыд, снаурԥшуан ашьауардын ахь. Сара унасырԥшуеит абанҭ, ииасны ицо апҟақәа рахь. Урыхәаԥш урҭ
шыԥыруа. Акы раԥхьа игылоуп, егьырҭ уи иашьҭоуп. Иахьа
уажәраанӡа сара шәаазгеит. Аиааирақәа шәсыргеит. Ахьӡ
ду шәырҳаит сдоуҳа иабзоураны. (Дааҭгыланы, дахымԥо
иӡбаны.) Сажәа иахымхәыцыз, сдоуҳагьы далыхәдастәуеит.
(Лхы шьҭых, ахада ишлыхәҭоу еиԥш, лҽырԥагьа, ахан ахь
дынхаланы дцоит. Аишьцәа уи илышьклаԥшуеит, ирҳәара
рзымдыруа еилахоит азнык азыҳәан.)
Н а р ҭ Б а ш н ы х ә. Ҳан ишакәым шәлыхцәажәаны,
лажәа шәахымхәыцуа, ҳхадара лымазкыз, сара ешьас дсызшьом. Шәара уи анык леиԥшгьы пату лықәҵара шәаҟәыҵит.
Шәареи сареи акгьы ҳзеилам. Егьырҭ ҳашьцәа ахьыҟоу сцоит.
(Дцарц иҿынеихоит.)

С а с р ы ҟ ә а. Уаанҿас, Башныхә. Уараӡәк уоуп сара ешьас
сызшьо! Уара уанҳалҵ, саргьы сцоит схы ахьынахо. (Зегьы
даарылаԥшны.) Ҳаҟәыҵып ҳаимак. Ҳажәҩа еибаҳҭап. Шәара
ишәҭаху дҳамазааит ԥызас. Сара ишәҳәо сақәшаҳаҭуп.
А ҳ ә ҳ ә а ҩ (иԥсы игәы икылахо, дыҩны дааиуеит).
Нарҭаа! Нарҭаа, шәабаҟоу, Нарҭаа! Шәҳацхраа! Иаҳа-иаҳа
рымч маҷхоит аӷацәа ирабашьуа ар. Ажәлар еилыршьааит.
Шәеиха, абџьар шьҭышәх хаҵа уҟазар! Аџьнышқәеи адауқәеи
ҳақәлеит. Шәҳацхраа! Шәҳацхраа! (Дыҳәҳәо дцоит.)
С а с р ы ҟ ә а (аҳәҳәаҩ, ибжьы днацыҵҟьаны, иҟаиҵо цқьа
дазымхәыцкәа). Шәабџьар шьҭышәх! Шәаала, сашьцәа! (Иаса
ҭԥааны, дцарц иҿынеихоит, аӡәгьы дышишьҭамлаз анибалак,
иҟаиҵара изымдыруа даанхоит.)
А и н а р - ж ь и. Шәҽы ҭоуӷанқәа ршьапқәа счаԥеит. Шәаса
дуқәа шәкәадырқәа ирыхшьуп.
Н а р ҭ Д ы д (С а с р ы ҟ ә а днаиҿагылоит.) Уара ҳахьчажә
иԥа уоума ҳара, Нарҭаа дуқәа ҳаԥхьа угыланы, ԥызара
ҳзызуа? Уара уоума еибашьра ҳазго?
Н а р ҭ С и ҭ (аҵәы налаҵаны). Дызԥоу иоуп иуҳәо, даҽа
хьӡы бааԥсыкгьы ихуп, иҳәом акәымзар.
С а с р ы ҟ ә а (дыҵҟьоит деилашәаны). Анык ҳалхымшазҭгьы, иусырбарын ҿҭыӡәӡәаала сацәажәашьа зеиԥшроу!
Иарбану сара хьымӡӷыс исымоу, исаҳәишь?
Н а р ҭ С и ҭ (ҭынч, Сасрыҟәа иҵҟьара агәхьаа мкӡакәа).
Ишԥаузиуи ацәаӷәаҩ? (Иашьцәа рахь.) Шәара ишәаҳахьоума
ацәаӷәаҩ иԥҳәыси иареи Сасрыҟәа изыруз?
Н а р ҭ Қ ь е ҭ у а н. Иаҳмаҳаӡац, иҳаҳәишь!
Н а р ҭ Сиҭ - и ԥ а У а х с и ҭ. Иҳаҳәишь, иҳаҳәишь.
Н а р ҭ С и ҭ. Ишԥашәмаҳац, зегьы ирдыруеите. (Сасрыҟәа
длазырҟәуа, иҟар хызҽуа акоуп ҳәа иԥхьаӡаны, деигәырӷьаны.)
Лхы акәтаӷь ықәҵаны деихсуа, ҳаи, анаџьалбеит, сара сыда,
хаҵа дҟаларушь ҳәа аҽхәара данаҟәымҵӡа Сасрыҟәа, сара
сыда хаҵа дыҟам ҳәа иуцәажәашьоузеи, уара рыцҳа моу,
уа­ра уаҵкыс шәынтә алшара змоу ауаагьы ыҟоуп лҳәеит
ҳан. Ари заҳаз Сасрыҟәа, сыҵкыс ииааиуа дызбаанӡа сшых­
нымҳәуа ҳәа амҩа дықәлеит.

С а с р ы ҟ ә а (иҽырҭынчны, ихаҭагьы ихы алаф алхуа).
Уиоума узҿу? Уамак уҳәоз џьысшьан. Уи шсыхьыз схаҭагьы
ишәасҳәап. Ииашаҵәҟьаны, маҷк сахнаԥаацәаны сыҟан...
Н а р ҭ Д ы д. Маҷк акәым, иӷәӷәангьы...
С а с р ы ҟ ә а. Иӷәӷәангьы акәзааит. Аӡәы игра иӡап,
ииашаҵәҟьаны, сахнаԥаацәаны сыҟан. Ҳан лхы аҵыс кәтаӷь
ықәҵаны сеихсуа, сыда хаҵа дыҟам ҳәа аҽхәара санаҟәымҵӡа: «Уиаҟара ухаҵазар, абри амҩа уаныланы уцала,
ушнеиуа, уда хаҵа дыҟамзар убап», – лҳәеит. Сцо, сцо,
сышнеиуаз, аӡәы аҽадақәа ҵаҳәаны ацәаӷәара даҿын.
Ацәшьхәа убриаҟара иҵаиҵоит, анышәгәалқәа иҵыԥԥо
ҩнык-ҩнык иаҟароуп. «Уа, бзиа ууит!» – сҳәеит, аҽышькыл
снангыланы. Ацәаӷәаҩ зынӡаскгьы имаҳаӡеит. «Мшыбзиа,
бзиа ууит!» – сҳәеит еиҭа. Дхьаԥшынгьы дысмыхәаԥшит.
Сатәеимбеит сҳәан, ихьымӡӷысшьеит. Схамыждараз, Бзоу
сышьхәа аасырбан, ҽыҳәҵәыла сисит. Уаҳа ажәак мҳәаӡакәа,
инапы ааирххан, сыҽгьы саргьы ҳаидгәаланы ҳаашьҭихын,
нышәхәарԥк аарҳәны ҳнаҵеиҵеит. Иара ахәхәаҳәа еиҭа
ацәаӷәара дналагеит. Ашьыбжь агәазы, ацәаӷәаҩ иԥҳәыс, цак
иаҟараз гәаблаак лхы иқәыргыланы, лхаҵа ихәы лыманы
даакылсит. Акрыфа акрыжә даналга, иԥҳәыс аҩныҟа данцоз,
ус ибжьы налықәиргеит: «Ҳаи, бара, абна анышәхәарԥ уаҩ
ччиак иҽгьы иаргьы аҵасҵан, аҩныҟа дыбгар, ахәыҷқәа
илахәмарлап», – иҳәеит.
Н а р ҭ С и ҭ - и ԥ а У а х с и ҭ. Ушыбзаз уишьит, уанаџьалбеит.
Н а р ҭ Д ы д. Убри иакәҵәҟьан ахаҵа!
С а с р ы ҟ ә а (иаҳагьы ихы дахлафуа). Иара духалыршҭып иԥҳәыс. Сыҽгьы саргьы анышәхәарԥ ҳааҵхны, асаара
ҳнанлыртәалан, аҩныҟа ддәықәлеит. Асаара лхы иқәгылоуп,
лара аффаҳәа дхахо дцоит. Дышнеиуаз, ккарак дныҵалеит.
Днаваларц лҭаххан, сыҽгьы саргьы асаара ҳаҵахҩаны,
абардраҿы лҽааԥхьалкит.
Н а р ҭ С и ҭ. Уаҳа узаҵымҵӡеи асаара?
Зегьы ччоит.

С а с р ы ҟ ә а. Сара сакәым, Бжеиқәа-Бжашла ихаҭа
дыҵахҩазаргьы, акгьы илшомызт. Ана садсылт, ара садсылт,
напышьашәала сҳәеит, ҽыҳәҵәыла сҳәеит, аха асаара сызмырқәацеит. Ԥыҭрак ашьҭахь дааин, еиҭах асаара ҳаныргыланы, лхы инықәлыргылеит. Аҵлақәа еихашьшьы, амҩа
рыҵганы игоуп. Ус, ҵламахәык аасымԥыхьашәан, сҽы сытәӷәыбжьара илыбжьарӷәӷәаны, амахә снахьынҳалеит. Аԥҳәыс
уи лызгәамҭаӡакәа, лыҩнынӡа дцеит. Схы сымагәыхьха, саргьы саахынҳәит.
Н а р ҭ Д ы д. Ҳаи, рацәа иухыччеит ацәаӷәаҩ иԥҳәысгьы
иаргьы.
Иргәарԥханы иччоит зегьы. Сасрыҟәагьы дрылаччоит.

Н а р ҭ Қ ь е ҭ у а н. Аԥҳәыс асаара дыҵахылҩеит, асаара!
Н а р ҭ К ә ы н. Аԥҳәыс асаара иҵахылҩаз уоума, ҳара
еибашьра ҳанцо, ԥызара ҳзызуа? Шәаала, сашьцәа ҳәа иаса
ҭкәыцәаа ддәықәлахт! Ҽышькылкҩыс уҳацыз, ҽышькылкҩыс!
Ҳа-ҳа-ҳа!
Зегьы ргәы иахәоит уи ииҳәаз, иргәарԥхаӡаны иччоит.

С а с р ы ҟ ә а (дгәааны, ҽыԥныҳәаҵас). Маӡала ацҳа
ҿаҟәаны, ауаҩы ибӷаҵара иаҳа ихаҵароуп шәгәахәуазар?
Ишәҳәеишь, хаҵароума уи?
Ирҳәо рҿамшәо еилахоит.

Н а р ҭ Д ы д. Изакә цҳаузеи зыӡбахә умоу?
С а с р ы ҟ ә а. Ажәеиԥшьаа рахь неига-ааигас исымаз
ацҳа ҿаҟәаны, быжьра-быжьҵәа сзышьҭыз шәара шшәакәу
сзымдыруа џьышәшьозар? Ҳгәалақәа рылацәажәара иаамҭам. Нарҭқыҭ ашәарҭа иҭагылоуп. Сара аԥызара сашьҭам.
Ҳан лҳәатәы ацныҟәара ҳаҟәыҵзар, дахаҳҳәазар, ԥызара
ҳзиуеит, аирак иҳаиҳабу.
Н а р ҭ К ә ы н. Қәрала аиҳабра акәым аус злоу. Ус ҳалагар, зегьы дҳаиҳабуп ҳаб. Сара дыздыруазар аахыс ахәышҭаара дыҽҳәымҵӡац. Реиҳа ахаҵара ҟазҵахьоу, убри днаҳаԥгыланы иҿынеихааит.
Н а р ҭ С и ҭ. Издыруада уи уара уакәхоит ҳәа угәы
иаанагозар? Зегьы ҳаиҳагьы ахьӡ-аԥшагьы уара уаԥсоуп

ҳәа агәра ганы уҟазар? Ишсоуҳәара, сара иҟасымҵац иҟауҵахьоузеи абри уара?
Н а р ҭ Қ ь е ҭ у а н (Нарҭ Сиҭ иахь). Иҟауҵахьоузеи ҳәа
уи узиҿагылазеи, зны уара ухаҭа иҟауҵахьоу ҳаҳәа. Издыруада, ҳара иаҳзымдыруа, абаа хужәахьазар? (Дыччоит.)
Н а р ҭ Б а ш н ы х ә. Шаҟаҩы иаԥсаӡамкәа ахьӡ-аԥша
рымоузеишь?
Н а р ҭ Қ ь е ҭ у а н. Дызусҭада, Башныхә, зыхьӡ даԥсамкәа
иубаз? Ухаҭа узеиԥшроу уасҳәап? Акәыбры! Ааи, ааи, акәыбры! Улымҳашьаҭаҿы имҵәааӡаци акәыбры? Ахаҭа марцхалк
иҟаӡамкәа, алым аҟара абжьы ахылҵуеит акәыбры. Ухаҭа
уамак ҟаумҵаӡакәа, ухьӡ адунеи иахурҵәахьеит! Ҳа-ҳаҳа!(Дыччоит.)
Н а р ҭ С и ҭ. Акәыбры.. Ҳа-ҳа-ҳа! Акәыбры! (Икьатеих
ԥҵәо дыччоит.)
Н а р ҭ Б а ш н ы х ә (Нарҭ Сиҭ иахь). Уара шаҟа угәы
иахәазеи уи. Сара акәыбры сеиԥшми, аха уара, уиаҟара иччо,
ухаҭа узеиԥшроу уасҳәап, Сиҭ. Амра аҭашәамҭаз уахәаԥши
аҽада, ахаҭа маҟҿаҳәаранӡа имааиӡо, иацрыҵуа агага, шьха
гыларак иаҟароуп. Ухьӡи уареи убасоуп шәшеизыҟоу. Ҳа-ҳаҳа (Ԥыҭҩык ччоит.)
Н а р ҭ С и ҭ - и ԥ а У а х с и ҭ. Иашьа гәакьа уакәзаргьы,
саб аҽада дадкыланы ацәажәара згәаӷьыз! (Иаса дахоит.)
Ухы ухысцҟьаап!
Н а р ҭ С и ҭ. Уаанҿас, сыҷкәын! Ажәала уишьырц иаҿу,
уаргьы ажәала душьыроуп. Сшьа сара изуртә сыҟоуп, уаамыццакын зны.
А џ ь н ы ш ҭ а к ә а ж ә (ахәадаҿы даацәырҟьоит). Убас,
убас, шәыхәдацәақәа ҵибакаа! Шәықәибах! Шәеиҵашьыцла! Шәыхуаадаха! Уеиха, сарбаӷь! Нарџьхьоу иаҳҳәап, Нарҭаа дара-дара еибакит, уара иуԥырхагам ҳәа. Шәиу-шәит!
А и н а р-ж ь и. Сызхаанхазеи, исаҳауа закәызеи? Шәан
дшәырхынҳә. Ҳаҭабымҵан, быхшыҩи бдоуҳаи ҳагыбмыжьын
ҳәа лашәҳәа!
Н а р ҭ Д ы д. Доуҳала акәым аӷацәа излариааиуа, ҳжьи
ухаҵкы! Амчоуп, амч! Аӷа днызкыло амч заҵәыкоуп. Аа,

иубома? (Аса аҭра иҭырҵәрааны иирбоит.) Иамуӡозар, ҳаб
ԥызас дҳамазааит.
С а с р ы ҟ ә а. Аҩны издәылымҵуа алужә еиԥш, ахәышҭаара
аҽҳәышьшьаарада акгьы злам иоума узҿу?
Н а р ҭ Д ы д. Издыруада, уара уаб, ҳахьча Зырҭыжә
деиӷьуп угәахәуазар? «Сара сыԥҳәысуп, ухаҵазар уара!» –
ҳәа изҿылҭит аԥҳәыс. Дызцу аҳаиуанқәа реиԥш, дбыҩҩуа,
нырцә аҟәара дықәхеит. Аԥҳәыс лзыҳәан аӡы дызмырит,
ашәаргәында.
С а с р ы ҟ ә а. Уара, саб Зырҭыжә ихыччо, ишсоуҳәара,
узԥада уара ухаҭа? Уара уаб зынӡаскгьы дуздырӡом. Иҭых,
иҭых уаса, ухаҵазар!
А и н а р - ж ь и. Шәҽаанышәкыл! Шәаӷацәа Нарҭқыҭ азааигәахара ианаҿу аамҭазы шәызҿу закәызеи? Аҭра иҭаҵа уаса,
Сасрыҟәа.
С а с р ы ҟ ә а. Саб ицәа ԥызҽуа!
А и н а р - ж ь и. О, Нарҭаа дуқәа! Шәанеидгылаз, шәҳәатәы
анеиқәшәоз, изакә иааирақәоу ижәгахьаз шәгәалашәыршәа.
Далшәх аԥыза. Амҩа шәықәла.
Н а р ҭ С и ҭ - и ԥ а У а х с и ҭ. Дасу иҟаиҵахьоу иҳәааит.
Реиҳа ахаҵарақәа ҟазҵахьоу, убри ԥызара ҳзиуааит.
Н а р ҭ К ә ы н (Нарҭ Сиҭ-иԥа Уахсиҭ иахь). Издыруада,
уара иуҭахызар ԥызара ҳзуурц? Аӡәы акы аниҳәалак, иҿаԥарада акгьы улаӡамкәа, иҟауҵахьоузеи уара хаҵарас? «Нарҭаа
рыфҩы. Иабаҟаз араҟа Нарҭаа рыфҩы?» – ҳәа иаҳхыччоз
адау сииааит ҳәа уҽхәо уааит. Душьызар, мамзаргьы уашхәа
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 27
  • Büleklär
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3316
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2349
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3340
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2352
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3345
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2250
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3328
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2316
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3385
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2344
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3340
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2306
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3345
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2368
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3324
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2290
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3285
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2281
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3325
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2308
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3339
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2313
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3318
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2348
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3280
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2285
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3350
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2310
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3316
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2353
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3308
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2351
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3323
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2369
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3363
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2349
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 19
    Süzlärneñ gomumi sanı 3351
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2342
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 20
    Süzlärneñ gomumi sanı 3304
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2412
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 21
    Süzlärneñ gomumi sanı 3400
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2398
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 22
    Süzlärneñ gomumi sanı 3355
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2328
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 23
    Süzlärneñ gomumi sanı 3464
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2309
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 24
    Süzlärneñ gomumi sanı 4490
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1950
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 25
    Süzlärneñ gomumi sanı 4507
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1947
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 26
    Süzlärneñ gomumi sanı 4637
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1904
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 27
    Süzlärneñ gomumi sanı 3881
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2004
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 28
    Süzlärneñ gomumi sanı 3326
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2241
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 29
    Süzlärneñ gomumi sanı 3292
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2241
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 30
    Süzlärneñ gomumi sanı 3355
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2227
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 31
    Süzlärneñ gomumi sanı 3411
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2257
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 32
    Süzlärneñ gomumi sanı 3351
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2322
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 33
    Süzlärneñ gomumi sanı 3328
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2331
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 34
    Süzlärneñ gomumi sanı 3423
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2326
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 35
    Süzlärneñ gomumi sanı 3404
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2300
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 36
    Süzlärneñ gomumi sanı 813
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 627