LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 25
Süzlärneñ gomumi sanı 4507
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1947
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
С а ҭ а н е и Г ә а ш ь а (мчыла лнапы имылжәоит). Уара, сыӷра иҭшаз уакәым, адунеи аҿы дмиӡац хаҵак, Саҭанеи Гәашьа
иҟалҵо илуа дақәиҭызымтәуа, зҳәатәы дахымԥо! Исыхшаз
анысгьы абысгьы ишәымоу сара соуп, сараӡәзаҵәык. (Уажә
уи анра-ԥара лхашҭны, амчду зымпыҵаку ԥҳәысуп.)
С а с р ы ҟ ә а. Саҭамыз, сан, ахьышьаргәыҵа Саҭанеи
Гәашьа. Аџьныш дысԥырхагахеит.
С а ҭ а н е и Г ә а ш ь а. Дыжәга шысҳәоз, уааныжьны ицеит
уашьцәа. (Адоуҳа ҟалҵоит.) Сҳәатәы иахыԥаз, уаргьы уԥсы
уҿазҵаз, узаҭәазымшьаз Нарҭаа, рхы иамыхәо, уда ԥсыхәа
рымамкәа Анцәа исирбааит! (Идыды мацәысуеит. Аԥшатлакә
ашьҭыбжь ааҩуа иалагоит.) Уабаҟоу аԥша, уабаҟоу адыд,
уабаҟоу амацәыс? Шәарҭ ишәылшоит иахьшәырхәырц, сара
сҳәатәы иахыԥаз. Адгьылаҿы дыҟоуп ан, ажәҩанаҿы иҟоуп
ан лцәа, лыхԥша, лҳақ!
Адыд-мацәыс иаҳа-иаҳа иӷәӷәахоит.
С а с р ы ҟ ә а. Сашьцәа сраҭәарымшьеит, аха сара амҩа
сықәлоит урҭ рышҟа. Ашәарҭа ианҭагылоу Нарҭқыт, ахаҵа
иаҭәам ихатәы гәалақәа рызхәыцра.
С а ҭ а н е и Г ә а ш ь а (адоуҳа иҟалҵаз инацҵаны).
Сыҷкәын еиҵбы игәы ԥызжәаз шәарҭ аишьцәа, шәахьнеиша
шәнеиаанӡа убас мшыцәгьак шәыхьӡааит, қәа еицәа қәа ауа,
ԥша еицәа ԥша асуа, кырцх еицәа кырцх леиуа, сы еицәа сы
ауа, Сасрыҟәа ида ҭынха дшәымамкәа шәҟалааит!
Адыд-мацәыс ашьҭыбжь иаҳа еиқәтәоит.
Г ә ы н д а - ԥ ш ӡ а. Сан! (дласны дааиуеит). Сан, Ханиеи
сареи Бзыԥ аԥшаҳәахьы ҳалбаарц ҳашнеиуаз, ҽышьҭыбжьк
убас агара иалагеит, ашьхақәа ргәахы ҵысыртә. Сишь, абан,
быԥшы, ашҭа аҵыхәан хаҵак дҽыжәҵит.
С а ҭ а н е и Г ә а ш ь а. Иааишьа злаҟоу ала, абзиара згәы
иҭоу аӡәы иоуп.
С а с р ы ҟ ә а (ажәылара иҽазырхианы дгылоит). Ацәгьара
игәы иҭеикыр, бзиа изалгарым. Сыхҿа камшәац макьана.
Иааиланы, уаҩы нырҳак, цәгьарак дацәшәаны шьҭахьҟа дхьаҵуам
ззырҳәо хаҵак дааиуеит. Деиқәных деибыҭоуп аибашьра дазыхианы,
аха уажәы агәырӷьара иҿықәуп, абзиара игәы иҭакны дшааиуа убоит.
Уи Нарҭаа раншьа Елдыз Шьаруан иоуп.
Е л д ы з Ш ь а р у а н. Уа мшыбзиақәа, саҳәшьаԥацәа,
Нарҭаа дуқәа!
Сасрыҟәа ҿиҭӡом, гәрамгарҭас дҟаҵаны дихәаԥшуеит.
С а ҭ а н е и Г ә а ш ь а. Сара сашьцәа Елдызаа, рҵыхәтәа
ыҟамкәа инҵәахьеит. Адауцәа иқәырххьеит. Ахаҵа иаҭәам
агызмалра, амцҳәара. Иҳәа иаахтны, узусҭада, насгьы узым
ҩахыҵзеи Нарҭқыҭҟа?
Е л д ы з Ш ь а р у а н. Баша гәрамгарҭас сҟабҵеит, ахьышьаргәыҵа Саҭанеи Гәашьа . Елдызаа рцынҵәарах соуп сара.
Саб адауцәа дҭадырхеит.
С а ҭ а н е и Г ә а ш ь а. Сашьцәа рахьтә аҵыхәтәан иҭахаз
хшара димамызт.
Е л д ы з Ш ь а р у а н. Ииашоуп ибҳәо, саҳәшьаду. Саб
данҭахоз сара амгәарҭа сҭан. Сабԥса сиааӡеит. Саныхәыҷӡаз
инаркны, сан исалҳәон Нарҭаа дуқәа рыӡбахә. Урҭ рыхьӡрыԥша гәазырҳаган лара лзыҳәан. Схы здыруа саныҩеидас
инаркны, хәыцырҭас исыман саҳәшьаду илхылҵыз збандаз
ҳәа. Аха сабацәа ршьа сымукәа, пату зқәышәҵо шәаншьа
заҵә ииухьоузеи иабацәа ршьоуразы ҳәа аӡәы дшәазҵаар,
шәыԥхамшьартә сымҩахыҵыр сҭахын. Ашьоуразы амҩа
санықәлоз, сан ус ҿаалҭит: «Нан, сыҷкәын, иахьа уажәраанӡа
ахатәы хьӡы умамкәа уааиуеит, иахьа уара аус ду уҿаԥхьа
ишьҭоуп – уабацәа ршьоура. Иуқәманшәалахааит, убри аус
иахаршалазааит ухьӡ – иухьӡызааит Шьаруан», – ҳәа.
С а ҭ а н е и Г ә а ш ь а. Агәра згеит, ииашаҵәҟьаны сашьцәа ршьа шулоу. Иуеиҳау сасы даҭамаац Нарҭаа ргәараҭа.
Уаҳәшьаԥацәа еибашьра иҟоуп, ишухәҭоу ҳауԥыларц азыҳәан, урҭ рыхынҳәра уазыԥшыр акәхоит.
Е л д ы з Ш ь а р у а н. Апату ҳақәибаҵара ҽазны ҳахьӡап,
уажәы аус дуқәа ҳаԥхьа ишьҭоуп. Инагӡаны сыхьӡ саԥсахарц
азыҳәан, сабацәа рҳәаҭҳа сырхынҳәыроуп.
С а с р ы ҟ ә а (гәрагарала). Шьакоуп иҳалоу уаргьы саргьы.
Исылшо акаҿы усмеигӡан, сара ешьара узызурц сҭахуп,
убри ахьӡ, уан иухьӡылҵаз, ииашаҵәҟьаны иуқәнаго хьӡны
уҟаларц азыҳәан, ҳаншьа Елдыз Шьаруан. Дара удыруама?
Е л д ы з Ш ь а р у а н. Сабацәа нзырҵәаз Ххәыцаа срылгахьеит. Ацҳаҿы амҩа аарызкуа, аӡәаӡәала иҭасырхеит.
Урҭ рышьра усҟак иуадаҩымхеит, избанзар, еицныҟәомызт
аишьцәа.
С а с р ы ҟ ә а. Убарҭ ажәақәа сашьцәа ишраҳауа иуҳәарц
сҭахуп: «Рышьра уадаҩымхеит, избанзар, еицныҟәомызт».
Е л д ы з Ш ь а р у а н. Даӡәымкәа ирҳәо саҳахьеит, Нарҭаа
риааишьа амам, избанзар, еидгылоит ҳәа. Усоуп шәыӡбахә
шнаҩхьоу ҳара ҳахь. Исшьыз Ххәыцаа рҿы инханы иҟоуп
сабацәа рҳәаҭҳа. Убри сырхынҳәыроуп. Иуцәуадаҩымзар,
убранӡа ҳаицныҟәап, Сасрыҟәа. Уи сҳәаргьы, еибашьрас
иабаҟоу зыхьӡ адунеи иахыҵәахьоу егьырҭ саҳәшьаԥацәа?
Г ә ы н д а - ԥ ш ӡ а (уаанӡа лҽыԥхьак, ҿымҭ дгылан). Сашьцәа хьыӡрацара иҟоуп, ҳаншьа ухаҵкы. Адауцәа ҳақәларц
иаауеит ҳәа аҳәҳәаҩ дааит.
С а ҭ а н е и Г ә а ш ь а (даагәжәажәоит, дуалуашоит,
адоуҳа иҟалҵаз дахьхәыма уҳәартә). Нашанала издыруеит,
сыҷкәынцәа уадаҩрак иақәшәеит. (Сасрыҟәа иахь.) Уара уда
ԥсыхәа рымаӡам, Сасрыҟәа. Уца, уашьцәа рыԥсы еиқәырха.
Сашьцәа дуқәа рцынҵәарах, Елдыз Шьаруан игәахәтәгьы
нашәыгӡа иаашәымҩатәны.
С а с р ы ҟ ә а (Елдыз Шьаруан иахь). Уабацәа рҳәаҭҳагьы
аагоит, сашьцәагьы ҳрыцхраап, ҳдәықәҵа!
Расақәа ҭкәыцәаа, еицны рҿынархоит.
С а ҭ а н е и Г ә а ш ь а. Шәаанҿас, амҩа уадаҩ шәанықәло,
ажәак шәасҳәоит. Амҩан шәышцо, шьхатәыла еимабгома
уҳәо, адыд-мацәысра иалагараны иҟоуп. Уи иаанаго, аџьнышқәеи адауқәеи жәылаӡеит ҳәоуп. Шәгәы шәҽаныз, хьыӡла
шәхынҳәааит!
Г ә ы н д а - ԥ ш ӡ а. Хьыӡла шәхынҳәааит!
Аԥарда
Ахԥатәиасахьа
Цәҳәыра бааԥсуп. Идыды-мацәысуеит. Аԥшатлакә асуеит.
А ж ә а ҳ ә а ҩ (дахьцәырҵыц, асцена аганаҿы даацәырҵны).
Раншьцәа рцынҵәарах Елдыз Шьаруан дицхрааит Сасрыҟәа.
Уи иабацәа рҳәаҭҳа дырхынҳәит, ахьӡ Шьаруангьы инагӡаны
даԥсахеит. Уажәшьҭа уҩныҟа ухынҳәы, уан дургәырӷьап, сара сцоит, сашьцәа срышьҭалоит, урҭ схала срыцхраарц сҭахуп
иҳәан, ишимуаз, Елдыз Шьаруан дирхынҳәит Сасрыҟәа.
Иашьцәа мап ицәыркит, аха урҭ дырхымхәыцит. Ауадаҩра
ишақәшәаз анидыр, амҩа дықәлеит. Амш бааԥсын, анаатә
иасуаз абахәқәа еилаҟәыбаса иканажьп уҳәарын. Асымҟәыл
еимаҩны аура иаҿын. Анаҟә еилаҳанто ихчылан.
Аха Сасрыҟәа – Сасрыҟәа иакәын,
Сасрыҟәа гәымца, Сасрыҟәа хаҵа,
Ажәҩан ҳарак хыбрас иман.
Адгьыл хьшәашәа цәарҭас иман,
Ихҿа мҩас бжьы аршәаа ахылҵуан,
Иаҳәа цырцыр иармацәысуан,
Имиц, имшәац дрықәгәыӷуан,
Шьамхы џьбара Сасрыҟәа хаҵа!
Асцена иаҳа иаалашоит. Ацәҳәыра дықәланы дахьцо, ицәаара аабоит
Сасрыҟәа. Днаԥшы-ааԥшуеит, деимдоит.
С а с р ы ҟ ә а. Иабаҟоу, иабазбари, ирыхьзеи сашьцәа?
Аибашьра ашьҭахь еиқәтәеит. Адауцәа раҵкыс дара иааизар,
уаҳа мчымхарас изықәшәазеи? Ажәҩан иаҳа-иаҳа еилго
иалагеит. Абан, аеҵәақәа цәырҵит. Ҳаи, иараби, ишԥаҵаауеи!
Анаџьалбеит, адгьыл еиҩнажәома аҵаа! (Иаԥхьаҟа инахараны дыԥшуеит.) Сишь, инахьхьи, еидҳәыԥлан, асарақәа
реиԥш, џьоукы рцәаара збоит. Ирыхьзеи, изусҭцәада? (Иҵегь
днаскьоит.) Сашьцәа ракәушәа! Еи, шәарбанқәоу уа иҟоу?
А ҿ ы ҭ б ж ь ы. Ҳара ҳауп, Нарҭаа ҳауп, Нарҭаа! Уара
уарбану?
С а с р ы ҟ ә а. Сасрыҟәа соуп, Сасрыҟәа! Сааит сшәыцхраарц. Ишәыхьзеи, иарбан мчымхароу шәзықәшәаз?
Н а р ҭ Д ы д. Аа, Сасрыҟәа! Ҳахьынҵәо умбаӡои, абааԥс!
Н а р ҭ С и ҭ. Уҳацхраа, Сасрыҟәа! (Ҿиҭуеит ици-ишәи
еихамгыло, дрыхьҭшьны дшыҟоу удырыртә.) Сасрыҟәа!
Уара уагьҳашьоуп, уагьҳаиӷьуп! Уҳацхраа, ҳанҵәеит уара
уанҳмыцхраа!
С а с р ы ҟ ә а. Шәымшәан, аҳаҳаи, сашьцәа! Шәгәы
шәырӷәӷәа!
Н а р ҭ С и ҭ - и ԥ а Уахсиҭ. Ахьҭоуп ҳазго, абааԥс, ахьҭа!
С а с р ы ҟ ә а. Ишәычҳа ижәулак, маҷк иаашәычҳа! Сара
ишәзаазгоит амца.
Н а р ҭ К ә ы н. Иҳахәаӡом, амца иаразнак аӡы иарцәоит.
С а с р ы ҟ ә а. Сара ишәзаазгоит адунеихаан аӡы иамырцәо
амца. Сара исымҭаны ишәымазааит. Ажәлар арԥхалааит. Абан,
ишеи-шеиуа ажәҩан иахькыду. (Ахҿа агәыдиҵоит иреиҳау
еҵәак. Уи шап-шапуа, ижжаӡа ишаауа, иашьцәа рыгәҭа
инкаҳауеит.) Сашьцәа! Шәара абри аеҵәа шәакәшаны
шәаагыл, шәыҽшәырԥха. Сара сцоит ишәзымшьыцкәа иаанхаз адауцәа рабашьрахь. (Дцоит.)
Асценаҿы ишылашара иаалашоит. Амш каххаа еилгоит. Аишьцәа рыԥсы
еиқәхеит. Аха рҟар хҽны, рылахь еиқәышьшьы иҟоуп. Иаабац Нарҭаа
ракәӡам.
Н а р ҭ Д ы д. Сашьцәа! (Дааҭгылоит, иашьцәа цқьа
ирӡырҩны.) Ҳара шьоук еиқәҳархоит ҳәа ҳаҿуп, арахь
ҳхаҭақәа ҳаԥсы еиқәирхеит Сасрыҟәа. Шәазхәыцу ари
иаҵанакуа.
Н а р ҭ Б а ш н ы х ә (иаҳаз усҟак ихахьы иаамгакәа).
Ишаҳә-шаҳәуа, шаҟа иԥхаз аеҵәа! Ҳашьеиҵбы ҳаԥсы
еиқәирхеит! Сгәаҵәахы шәны, сыԥсхьазаарын убри аеҵәа
деихсны икыдимыршәазҭгьы.
Н а р ҭ С и ҭ. Уажәшьҭа убри иҟаиҵаз ҳәа инеихаргыло,
иҳәо-еиҭаҳәо, ажәлар шәрылала. Иаҵанакуа шәазхәыцыр
еиӷьын, сашьцәа, иаҵанакуа. Ҳашьеиҳаб Дыд ииҳәаз шәмаҳазшәа зыҟашәҵозеи?
Н а р ҭ К ә ы н. Ажәлар ираҳаны иалгахьеит. Сасрыҟәа
ихҿа ааханы, ижжаӡа аеҵәа кыдшәаны ианаауаз шаҟаҩы
ирбазеи!
Н а р ҭ Қ ь е ҭ у а н. Амца ҳауит ҳәа еигәырӷьаҵәа ацԥхьқәа ргеит.
Н а р ҭ Б а ш н ы х ә. Ҳаргьы ҳахьӡ иаҳагьы ишьҭнахит.
Н а р ҭ Д ы д. Убри аеҵәа анкыдиршәаз, ухьӡ иаҳагьы
ишьҭнамхит, аха ухьӡ-уԥшагьы кыдыршәаны далгеит, уазхәыцуам акәымзар, абзамыҟә! Нарҭаа дуқәа, Нарҭаа дуқәа
ҳәа ҳамырк-амыршьҭуа ҳашрымаз, рацәа икабеит, аӡшәах
еиԥш, ҳахьӡ бзиа!
Н а р ҭ Б а ш н ы х ә. Ишьаҭарӡгоуп ишәҳәо, сашьцәа.
Шәҿы излаҭәашәшьазеи ари аҩыза ажәа. Аешьа дзыҟоу
аешьа дҿихырц азыҳәаноуп. Џьнышк иакәымзар, ҳашьа
ҳахьҿихыз азыҳәан, дарбан иаҳхыччо?
Н а р ҭ Д ы д. Издыруада, уаргьы ҳахьӡ арӡра уашьҭазар,
Башныхә? Ма, издыруада, ҳашьа Цәыцә иеиԥш, ухьӡ зынӡаск иухухырц уҭахызар? Уи ахьӡ-аԥша акәым, сыхьӡҵәҟьагьы уаҩы идыруазарц сҭахым иҳәан, Бжеиқәа Бжашла
ҳәа ахьӡшьара шьҭихит. (Башныхә иахь.) Уажәадагьы уара
Сасрыҟәа уидгыланы уцәажәақәахьеит. Ишҳауҳәара, иаанагозеи уи?
Нарҭ Башныхә икәшаны иаагылоит, раӷак дрыланагалазшәа дыԥхьаӡаны
ихәаԥшуеит.
Н а р ҭ Б а ш н ы х ә. Аӡә ихьӡ иаҳа игеит, даҽаӡәы ихьӡ
еиҵахеит ҳәа ахәыцха ҳамоума, ашышкамс реиԥш, ихыҵны
аџьнышқәеи адауқәеи ҳанырк, ҳаҳәшьазаҵә ашәарҭа дан
ҭагылоу аамҭазы?
Н а р ҭ Д ы д. Ҳара ҳаибашьлап, ашьа каҳҭәалап, даҽаӡәы
ахьӡ игалап, усоума? Убриоума иҳауҳәо?
Н а р ҭ С и ҭ. Сара адәы сзықәу ахьӡи ахьымӡӷи рзыҳәаноуп.
Н а р ҭ Б а ш н ы х ә. Хьымӡӷыс иамоузеи, уашьа ихьӡ уара
ухьӡ аҵкыс еиҳахазар?
Н а р ҭ Д ы д. Сасрыҟәа даныҩагыла инаркны, ҳара
ҳахьӡ ахьирцәашоуп дзышьҭоу. Сара сыхьӡ аныцәо аҽны,
иаҭахызар, ахаҳәгьы леиааит.
Н а р ҭ С и ҭ - и ԥ а У а х с и ҭ. Иара абри Башныхәгьы
ҳара дҳашьамзар, уара? Издыруада, Башныхә, уаргьы унашԥазар?
Зегьы ччоит.
Н а р ҭ К ә ы н. Башныхә ииҳәо хьӡырцәагоуп. Сасрыҟәа ас
мацара дандәықәла, ҳахьӡ акәым, ҳхаҭақәагьы ҳҭаимырхар
ҟалом. Иԥсыхәозеи?
Н а р ҭ С и ҭ. Нкылашьас имоу акы заҵәыкоуп...
Н а р ҭ Сиҭ - и ԥ а У а х с и ҭ. Мамзар уаҳа ԥсыхәа ыҟам.
Н а р ҭ Б а ш н ы х ә. Аҩсҭаацәа шәԥырхагахеит, сашьцәа.
Ишәҳәо иаҵанакуа шәазхәыц! Шәазхәыц цқьа!
Н а р ҭ Д ы д. Еиҳабы диздыруам, еиҵбы диздыруам. (Башныхә
ииҳәаз агәхьаа мкыкәа.) Сара издыруеит уи хәшәыс иамоу...
Ажәеиԥшьаа рҭыԥҳа дигәаԥхоит. Убри лбаразы дцалоит.
Амҩан ацҳа-ҵәры дықәымсыкәа неишьа имаӡам. Ҩ-бахәык
еиманадо, ихуп уи ацҳа. Аҵаҟа иҵамҵамуа аӡмыжь ҭатәоуп.
Ацҳа ҳҿаҟәап. Даннықәлалак...
Н а р ҭ Б а ш н ы х ә. Лажәа лҳәааит ҳан. Ҳахьӡ ыцәозар,
лара лаҟара издыруада. Ҳлазҵаап, шәаала аҩныҟа.
Н а р ҭ С и ҭ. Аҩныҟа уццакишь, уццакишь. (Аҵәы илаҵаны.)
Аҩны уахьнеиуа, ҳаб дидтәалоуп угәахәуазар ҳан?
Н а р ҭ Қ ь е ҭ у а н. Убжьы! Сасрыҟәа изыҳәан иуҳәалакгьы,
ҳан лзыҳәан ажәа бааԥсык уҳәо ансаҳа! (Иаса дахоит.) Уи
лыхьӡ – хьӡы ԥшьоуп ҳазегьы ҳзыҳәан.
Н а р ҭ К ә ы н. Уҽаанкыл! (Ҭынч, еимакы ҟамлаӡазшәа.)
Уаса ҭкәыцәаа ҳан лыхьчаразы угылоуп, ишсоуҳәара, Қьеҭауан, узхылҵыдашь уара ухаҭа?
Н а р ҭ Қ ь е ҭ у а н. Уажәа уазхәыц! Уажәа! (Дыҵҟьоит.)
Н а р ҭ К ә ы н. Зны исырҳәа сажәа. Уара уаниуазгьы,
ихаҭара ихашҭхьан, ҳаб ҳәа зыхьӡ ҳху, алужә еиԥш ахәышҭаара иҽҳәымҵуа...
Н а р ҭ С и ҭ. Ҳаимак зыхҟьаз Сасрыҟәа иоуп. Ухахьы
уџьымшь ыҟоуп ҳәа еибаҳамҳәацызт. Убри дҳаланагалазар
аахыс апату еиқәҵара ҳцәыӡит.
Н а р ҭ Д ы д. Ҳдәықәышәҵа иаҳҿаҟәап ацҳа.
Н а р ҭ Б а ш н ы х ә. Сасрыҟәа иакәым, аха ҳара ҳхоуп
иҭаҳархо! Ииҳәазеи Нарџьхьоу? Ишԥаҳзааицҳаи? Сасрыҟәа
дысԥырхагамызҭгьы, Гәында дызгахьазаарын иҳәеит. Ҳара
ҳзыҳәан хьӡуп уи!
Н а р ҭ Д ы д. Ахьӡ заҳҭахузеи? Ҳқыҭа ҳадгыларц.
Иҟаҳҵо зыԥсоу рдырырц. Ахьӡ-аԥша зҭахым иԥсхьоу иоуп.
(Башныхә иахь.) Уара ухаҭа иуҭахӡами ахьӡ бзиа? Ухьӡ неимарҟьа иахьырҳәо угәы иамыхәаӡои? Арахь уамак ҟауҵахьахындаз!
Н а р ҭ Б а ш н ы х ә. Уара уаҵкыс уеизгьы иҟасҵахьеит!
Н а р ҭ Д ы д. Иҟауҵахьоузеишь, иҳаҳәишь, иҟауҵахьоузеи
ахшыҩ ҳурҵалартә еиԥш?
А џ ь н ы ш ҭ а к ә а ж ә (ахәадахьала даацәырҵуеит, шьашәы
рарбаӷь дақәтәоуп). Убас, убас! Иалагеит! Азҩа ҿкы рылалеит.
Ҳа-ҳа-ҳа! Шәыхәдацәақәа ҵибакаа, шәыхәдацәақәа!
Н а р ҭ С и ҭ - и ԥ а У а х с и ҭ. Ааи, ааи, иҟауҵахьоу ахаҵарақәа наҳаҳәишь?
Н а р ҭ Б а ш н ы х ә. Ахаҵа иаҭәам, ихаҵарақәа дырхыҽхәо аҳәара. Аха ианышәымух, шәара ишәхашҭзар, ишәгәаласыршәап. Ҳаӷацәа ҳқыҭа иақәлан, асабицәа еизцаны,
аҭираз ианыргоз, рымҩа ԥҵәаны ирыхьӡада, асабицәа зырхынҳәыда? Нарҭ Башныхә сакәӡами? Ҳқыҭа еимҵәаны, иршьуаз шьны, иаанхаз тҟәаны ирыма ианцоз, абжьымҩак ахьеихагалоу амҩа кны, ҳаӷацәа уашхәамақьаԥсыс дзыр-ҳәада?
Нарҭ Башныхә сакәӡами? Усҟан шәабаҟаз шәара? Шәыхҿақәа
мҩанҵо, шәарах жьыла шәчо, абӷацымкыра шәаҿан. Мышгаран
шәызҿыз.
Н а р ҭ Д ы д. Шәиҟәаҵ. Диашоуп. Башныхә ихаҵарақәа,
ииашаҵәҟьаны, ирацәоуп. Иаадыруеит.
Н а р ҭ С и ҭ. Иаадыруеит уҳәоу? Издыруада, ҳазегьы
ҳаҵкыс ахаҵарақәа иара иҟаиҵахьаны, ҳҳаԥшьа Ҩаӡамакьат
иара иқәнагоит ҳәа уҳәарц уҭахызар?
Н а р ҭ К ә ы н. Ҩаӡамакьат шәаламцәажәан, уи зегьы
иаҳтәуп, иаҳзеиԥшуп.
Н а р ҭ С и ҭ - и ԥ а У а х с и ҭ. Башныхә ҳара, хазыхаз
аӡәаӡәала иҟаҳамҵац ҳәа акгьы ҟаимҵеит. Ишәшьырагьы
ҳара ҳаҵахом. Ауаа зызхьаҳәыз, ҳара ҳаварханы, ргәы иаҳа
иалнахыз Сасрыҟәа иоуп. Уи иҟаиҵеит, рҳәеит, шәарҭ, Нарҭаа
аӡәгьы ишәзыҟамҵацыз. Уи иаҳзааигеит, рҳәеит, наӡаӡа
ҳагәқәа зырԥхалаша амца.
А џ ь н ы ш ҭ а к ә а ж ә (дшеилаҳәац, алаҳәа асахьа
лыҭаны, ахәада даақәыххуеит). Еҳе! Нарҭаа дуқәа шырҳәоз,
шәыхьӡ акацәара иалагама? Аеҵәақәа каҷҷо ишкыду, амра
аныҩагылалак, рызегьы рыԥсы нархыгго, иаацәышханы,
ажәҩан ишалаӡуа еиԥш, Сасрыҟәа дымраха дангыла, ирцәеит
шәыхьӡ. Ҳа-ҳа-ҳа! Шәыхьӡ ирцәеит, шәыхьӡ!
Н а р ҭ Б а ш н ы х ә. О, бара аџьныш хәырҭлаӷь, аса
быӷрысҳәап!
Н а р ҭ Д ы д. Уаанҿас! (Башныхә днаиԥырагылоит.) Аԥсы
дахьықәу ахҿа игәыдуҵар иаҩызоуп, аҭакәажә душьыр.
Н а р ҭ Б а ш н ы х ә. Ари илҳәо даракәац ырӡгоуп!
Н а р ҭ С и ҭ. Ишсабҳәара, аџьныш ҭакәажә, избан, амра
злаԥхаз аеҵәақәа реиԥш ҳахьӡ акацәара изалагазеи? Аеҵәақәа быжьба еидҵәаҵәаланы иахьыҟоу, Нарҭаа риеҵәақәа
ҳәа ҳахьӡ рхырҵахьеит ажәлар.
А џ ь н ы ш ҭ а к ә а ж ә. Ицәеит, Еҵәаџьаагьы ҿыцәааит
амра аныҩагыла!
Н а р ҭ Б а ш н ы х ә. Ушԥалацәажәо уаҩԥсыс дыԥхьаӡаны,
ҳаӷацәа зхылҵыз аџьныш хәырҭлаӷь! (Днарылҟьаны, иаса аҿы
цырцыруа, лыхәдацәа илыҵеикуеит.)
А џ ь н ы ш ҭ а к ә а ж ә. Аа, сумшьын, сумшьын! Сара сыда
ԥсыхәа шәымамкәа, сышәҭаххара шәыҟоуп.
Н а р ҭ С и ҭ. Доушьҭ, аҭакәажәцәа ршьуеит Нарҭаа ҳәа
ахьӡ бааԥс ҳхуҵоит.
Н а р ҭ Д ы д. Доушьҭ наҟ!
А џ ь н ы ш ҭ а к ә а ж ә. Сара ишәасымҳәакәа, Сасрыҟәа
иҭархашьа ахаан ишәдырраны шәыҟаӡам. Сара соуп уи
иԥсы ахьҭоу здыруа, сара. Уеиха, шьашәы рарбаӷь! Фуучфуу! (Лнапсыргәыҵа дықәыҭәҳәоит.) Абраҟа хәыц ықәу
аҳа, шәдаракәац ыҟаӡамкәа шәынҵәароуп! (Дцоит Шьашәы
рарбаӷь дақәтәаны.)
Н а р ҭ К ә ы н. Дабаҟоушь уажәы иара, амра иадыркыло
Сасрыҟәа? Ихы ҳаҭәашьаны дҳалагылозар шәымбои! Нарҭаа
шеиқәсырхаз ҳәа дыҽхәо, Ажәеиԥшьаа
рҭыԥҳа длыдтәалазар акәхап.
Дааиуеит А и н а р - ж ь и.
А и н а р - ж ь и. О, хьӡи-ԥшеи згым, Нарҭаа дуқәа! Ишәеихырхәаны иҭабуп ҳәа шәарҳәарц ишәзыԥшуп ауаа. Адауцәа
ишәшьуаз шәшьит, иаанхаз ықәышәцеит. Аинар-жьи иасакәа аус дшәыруеит, шәхаҵкы-шәыԥсаҵкы сцароуп. Дабаҟоу
Сасрыҟәа? Уик иҟаиҵеит ԥсы зхоу иҟаимҵацыз! Аеҵәа
кыдԥааны, ишәзааигаз амца, ихәажжаӡа, ҩнаҭацыԥхьаӡа
аиқәҵара иаҿуп. Бзоу ашьапқәа счаԥароуп џыр ҽеимаала.
Ашәа шәҳәароуп, шәгәырӷьалароуп. (Рыԥшышьа ицәымыӷхоит.) Шәеиқәышьшьы шәызгылоузеи? Шәҳаԥшьа ду Ҩаӡамакьат хҳартлароуп!
Н а р ҭ Б а ш н ы х ә (Аинар-жьи иахь.) Сасрыҟәа знык
акәындаз, ҩынтәгьы иаҳзааигеит амца. Знык аеҵәа кыдиԥааит, ашьҭахь амцаҵәҟьа адау ицәигеит.
А и н а р-ж ь и. Убасҵәҟьа рҳәоит ауаагьы. Шәыхьӡ ҭигеит
шәашьа!
Н а р ҭ Д ы д (Аинар-жьи иахь). Уаҳа ирҳәақәозеишь
умҳәои урҭ? Нарҭаа уажәшьҭа иҟарҵо егьыҟам, Сасрыҟәа
заҵәык иоуп иҟоу рымҳәаӡои?
А и н а р - ж ь и. Сасрыҟәа дналыркаауазаргьы, Нарҭаа
шәыхьӡ еиҳагьы иҭнагоит уи. О, анаџьалбеит, адауцәеи аџьнышқәеи ақәымло, аҩныҵҟа иаӷраланы иҭаҳаҳа ирымфо,
ахи аԥси еиқәиҭны иҟаларушь мышкызны Нарҭқыҭ? (Нарҭаа дрылаԥшуеит, дреигәырӷьоит.) Нарҭқыҭ шәагымхароуп
Нарҭаа дуқәа! Сцапишь, ахьышьаргәыҵа Саҭанеи Гәашьа
илыдысныҳәалап. Быҷкәынцәа еиҭах хьӡы ганы иаауеит ҳәа
ласҳәап. Гәында-ԥшӡа Нарџьхьоу дизгом, шәара шәеиԥш
аишьцәа лыманаҵ. Џьаҳаным иҭыԥхароуп Нарџьхьоу аџырԥаҵа! (Дцарц иҿынеихоит. Уи днаишьҭаланы днаскьоит
Нарҭ Башныхә.)
Н а р ҭ Б а ш н ы х ә. Иҭабуп, Аинар-жьи, аҟәыӷа ду, уажәақәа рзыҳәан!
А и н а р - ж ь и дцоит.
Н а р ҭ Д ы д (инапы надырбаны иашьцәа ааидиԥхьалоит).
Ишәаҳама, Сасрыҟәа изыҳәан ҳжьиҵәҟьа ииҳәаз? Ажәеиԥшьаа рҭыԥҳа лҟынтә даныхынҳәуа ацҳа дықәымсыр ԥсыхәа
имаӡам...
Н а р ҭ С и ҭ. Иҿаҟәатәуп!
Н а р ҭ К ә ы н. Агәҭаҵәҟьа ҿаҟәатәуп!
Н а р ҭ С и ҭ - и ԥ а У а х с и ҭ. Ҳазегьы ҳзаҭахузеи, ҩыџьахҩык шәазхоит. (Иашьцәа аӡәык-ҩыџьак инапы нарықәикуеит.)
Уара, уара, нас уара, шәца. Агәҭаҵәҟьа шәҿаҟәа!
А ҳ ә ҳ ә а ҩ. Нарҭаа дуқәа (Асцена даақәыххуеит.) Нарҭаа
дуқәа Ҳаиқәзырхаз Нарҭаа! Ауаа еизеит, ишәеигәырӷьаны
ишәзыԥшуп. Изыԥшуп Сасрыҟәа. Шәаала дшәыгәҭылакны
(Рыԥшышьа, ргылашьа ицәымыӷханы, ииҳәара иҿамшәо
даанхоит).
Аԥарда
АҨБАТӘИ АХӘҬА
Аԥшьбатәи асахьа
Сасрыҟәа иқәацә аҿоуп. Уи Нарҭаа рқәацәқәа инарылкшәа игылоуп.
Ажәаҳәаҩ
Уа, ҳара ҳашьҭахь ииуа аҷкәынцәа,
Ҳашьҵыргәа шәаднакылоит,
Шәышықәса анҵы шәыҵнаргәоит,
Ауаа рыцәгьа рҟәызго
Шәыцәгьа шәыҟәнагааит!
Аиргь рызҳара шәызнарҳааит,
Ажәа ишәҳәо
Аиреи аԥсреи ҽыԥныҳәа рымоу аҳа,
Уаҳа ҽыԥныҳәа амамзааит!
Ахҭылҵра еихылҵра шәызнарҳааит,
Шәышьҭахь ииуа пату шәықәырҵааит,
Ашьыцра бааԥс шәҟәыблаазааит!
А ж ә е и ԥ ш ь а а р ҭ ы ԥ ҳ а (Сасрыҟәа иахь). Хахахымшуп ҿаҵак уҿы инҭоумҵеижьҭеи. Уаӷацәа ргәырԥса
уқәшәар уҭахума?
С а с р ы ҟ ә а. Изусҭцәада уаӷацәа ҳәа бызҿу?
А ж ә е и ԥ ш ь а а р ҭ ы ԥ ҳ а. Иуҵаашьоузеи, Сасрыҟәа?
Ужәлар ираӷоу уаргьы иуаӷоуп, уашьцәа ираӷоу – уаргьы
иуаӷоуп. Аџьнышқәа, адауқәа. Уаҳа дарбан?
С а с р ы ҟ ә а. Сара зегьы сцәеилаҩашьеит. Исаӷоугьы
дсыздыруам, исҭынхоугьы. Уаӷа уанижәло, уҭынха уиқәгәыӷуазароуп. Сара усеиԥш лахьынҵас исымамызт. Исаҳәа, аԥҳәыс
ҟәыӷа, Ажәеиԥшьаа рҭыԥҳа, дгьыли жәҩани сара исаӷахартә
еиԥш цәгьарас иҟасҵазеи?
А ж ә е и ԥ ш ь а а р ҭ ы ԥ ҳ а. Абасҟак ахаҵарақәа ҟазҵахьоу, аӷацәа ахьимоу зыхҟьо изымдыруа дҟаларым. Сасрыҟәа, уи аилкаара зынӡаск имариоуп. Абзиара ҟауҵацыԥхьаӡа,
уаӷацәа рхыԥхьаӡара иацлоит. Иуцәызӡом, иара саргьы
уҩызара сылымшо аҟынӡа снеирц егьсыгым. (Иаалырҟьаны,
илзымычҳакәа). Ухы зыхҭнуҵо зегьы урҟәаҵ, нас имаҷхоит
уаӷацәа, нас иуцрыҵуеит. Саргьы ашәы сшәысхып. Уареи
сареи ҳанеинасыԥха, шықәсызаҵәык сынасыԥ салагәырӷьон.
Уинахыс исхьыссы ашәы сшәуп.
С а с р ы ҟ ә а (ицәымыӷханы). Ажәеиԥшьаа рҭыԥҳа,
сарӷьажәҩа, сыԥҳәыс. Сара хьыӡрацара амҩа санықәло,
еснагь бара бгәадура сыман. Иахьа уажәраанӡа саанагоит
алашара зыцрыҵуа бнацәкьыс. Уи амҩа снарбоит. Аибашьраҿы сеиқәнархоит бара бдоуҳа.
А ж ә е и ԥ ш ь а а р ҭ ы ԥ ҳ а. Иахьа уажәраанӡа угәы
ахьсырӷәӷәаша сашьҭан. Аха сара уаҳа сылшом. Аҳәса зегьы
реиԥш, саргьы исҭахуп исыхшо срылагәырӷьаларц. Саргьы
исҭахуп анра-хшара иацу анасыԥ нагӡаны избарц. «Ԥсра
бықәым, дгьыли жәҩани ыҟанаҵ, баргьы бҟалоит», – ҳәа
сеиҳәеит Ажәеиԥшь Жәеиԥшьырҟан. Ԥсра зқәым, игәаҟрақәагьы ҵыхәаԥҵәара рықәым. Аџьал сымазааит, аха анасыԥгьы салхәыдамзааит. Сара срыҵашьыцуеит, срыҵашьыц,
ҿҳәарала адәы иқәу аҳәса. Уара уакәзар, ӷрак иуцҭшааз,
уашьцәа уаӷацәоуп. Ас мацара иахәода, иахәода!
С а с р ы ҟ ә а. Аџьнышқәа ргәы иаахәап бажәақәа раҳар.
Нарҭаа рыҩныҵҟа иҽеимзаап рҳәап.
А ж ә е и ԥ ш ь а а р ҭ ы ԥ ҳ а. Сара бзиа узбеит уара,
ауаҩы. Аԥсра зԥеиԥшу ауаҩы, аԥсра. Сара адәы уқәысҵоит,
дгьыли жәҩани ыҟанаҵ, сара сеиԥш, уаргьы ԥсра уқәымкәа.
Уақәшаҳаҭха иуасҳәо!
С а с р ы ҟ ә а. Иҟасҵарц ибҭахузеи?
А ж ә е и ԥ ш ь а а р ҭ ы ԥ ҳ а. Ажәҩан иацәугаз аеҵәа наҟ
ирхынҳә, урыцрыӡаа, урыцрыӡаа аџьнышқәеи адауцәеи.
С а с р ы ҟ ә а. Аԥсреи хьымӡӷыла адунеи ақәзаареи руа
иалухуазеи ҳәоуп бышҵаауа. Зегьы мап рыцәкны...
А ж ә е и ԥ ш ь а а р ҭ ы ԥ ҳ а. Уашьцәа цәгьала урызныҟәа сымҳәеит. Ахьҭа иаго, анҵәара ианаҿыз, аеҵәа рызкыдуԥааит. Уи азмырхакәа, адау ицәганы амца рзааугеит.
Убарҭқәа ирыхҟьаны, уара узыҳәан иҳарамхеит ажәҩан дуӡӡа. Уи уара иуқәшәиит. Ашәиԥхьыӡ анаӡара иаҿуп. Иҳахшаз
аӡәымкәа ҩыџьамкәа иумпыҵаԥсхьеит. Уара унапала... (Уаҳа
лзымычҳакәа). Уара иумпыҵаԥсит, уара!
С а с р ы ҟ ә а. Ишԥаҟасҵари? (Дгәаҟуеит, дхәыцуеит.)
Бажәақәа амцхә иџьбароуп, Ажәеиԥшьаа рҭыԥҳа, уаҳа алаӡом сара сгәы.
А ж ә е и ԥ ш ь а а р ҭ ы ԥ ҳ а. Уашьцәеи ужәлари ӷашақә урзымныҟәан, аха абзиарақәа ирзыҟауҵахьоу азырха
уажәшьҭа. Ухы уазхәыц, уҵәҩаншьап уизхәыц.
С а с р ы ҟ ә а. О, Ажәеиԥшьаа дуқәа рҭыԥҳа, бнеи, шьхеи,
ԥсаатәи, гыгшәыги нцәахәыс ирымоу сшыбзоу сыԥсыр аҵкыс,
еиӷьуп ауаа зегьы шыԥсуа, ԥсышьа бзиала адунеи саныӡаар.
Сашьцәа схы анырхызбаа,сыжәлар агәаҟра ианҭагылоу аамҭазы,
сара ахәышҭаара саныҽҳәымҵ, ишәҭаху рзыжәу, еимҵәаны
ижәга Нарҭқыҭ ҳәа аӷацәа ианрысҭа, нас сара иқәысхуазеи
адунеи!
А ж ә е и ԥ ш ь а а р ҭ ы ԥ ҳ а. Уашьцәа... Сара сахьнеигаааигас ихыз ацҳа зҿаҟәада? Уашьцәа ракәӡами? Ацҳа уалҟьаны, быжьрабыжьҵәа уцеит. Иухашҭма? Узлаазеи арахь?
Уаазгазеи?
С а с р ы ҟ ә а. Бара бнапаҵаҟа иҟоу аԥсаатә иреиуоу,
исзынабышьҭыз ауарбажә абӷа сықәыртәаны саанагеит.
А ж ә е и ԥ ш ь а а р ҭ ы ԥ ҳ а. Сара исмазҵаакәа уаагаразы
инеирызу уи?
С а с р ы ҟ ә а. Издыруеит, сыԥсы еиқәбырхеит, Ажәеиԥшьаа рҭыԥҳа. Бара бнапаҿы иҟоуп еиқәбырхаз сыԥсы.
Ианаабҳәо ибыхҭнысҵоит.
А ж ә е и ԥ ш ь а а р ҭ ы ԥ ҳ а. Иуҳәаз ҳәазар – иҟаҵа
сызуҳәо! Уқәԥарақәа зегьы урҟәаҵ. Иаԥсам иззыҟауҵо, иаԥ
сам. Ауаатәыҩса амца руҭеит. Рықәхга руҭеит, рықәхга. Егьырҭ
зегьы ракәым, ӷрак иуцҭшааз уашьцәа гәакьақәаҵәҟьа уара
уҭархара иашьҭоуп.
С а с р ы ҟ ә а. Мап! Мап! Сара сҭадырхарц азыҳәан
акәмызт ацҳа зырҿаҟәаз.
А ж ә е и ԥ ш ь а а р ҭ ы ԥ ҳ а. Ҳа-ҳа-ҳа! (Хыччараны
дыччоит.) Адыд-мацәыс знапаҵаҟа иҟоу, Афы афрангьа-аса
ицәызгаз, ажәҩан аеҵәа кыдызԥааз, адау амца ицәызгаз
афырхаҵагьы, асаби даниҩызахо ҟалозаап. Уара асаби
уиҩызоуп, Сасрыҟәа, асаби! Ҳа-ҳа-ҳа! (Дыччоит.)
С а с р ы ҟ ә а (ихаҭагьы ихы дахыччоит). Асаби...
Ииашаҵәҟьаны исзыбҳәеит. Баангыли, алакә басҳәоит. Уажә
ааигәа сабиҵас схы сыԥхьаӡо сҟалеит. Лалабатәык сақәшәеит,
исҳәар, сшәазшәа, иԥхасшьоит. Исымҳәаргьы, сшазхәыцуаз,
сыхшыбаҩ аркареит. Бара, издыруада, измааноу сабҳәаргьы. Акы ишамааноу гәҩарас исымоуп, аха, цәгьароу бзиароу иаҳԥеиԥшу сыздыруам.
А ж ә е и ԥ ш ь а а р ҭ ы ԥ ҳ а. Иаҳзыҟалахьоу аҵкыс
еицәоу иаҳзыҟалараны иҟоузеи уажәшьҭа. Уеизгьы абзиара
иазҳәазааит. Иубазеи лалабатәыс?
С а с р ы ҟ ә а. Аанҿасра бабраа, Ажәеиԥшьаа дуқәа рҿы
бахьыҟаз, баазгарц саннеиуаз, амҩан ӡиас дук сныҽԥынгы-
леит. Аӡы агәҭан иахьеиҟараз ҩ-ҭыӷь хык ртәыҩақәа ыршаны, арахь хәамц рымаӡамкәа, ахаҳә иқәибацала, атах-сахҳәа аисра ишаҿыз збеит. Акраамҭа сгыланы срыхәаԥшуан.
Снаԥшит, сааԥшит, снаӡырҩит, сааӡырҩит, аха аӡәгьы ихабар
збом.
А ж ә е и ԥ ш ь а а р ҭ ы ԥ ҳ а. Убриоума узырхәыцуа,
гәаҟрас иумоу? Аӡы агәҭа иалажьыз ахаҳә аҿы ҩ-ҭыӷь хык
шеисуаз анубаз, ҵҩа змамыз алаҳәа ԥырны, ажәҩан иаҵаланы имнеиӡоз?
С а с р ы ҟ ә а. Рҟырбжьы слымҳа ҵнахуан. Ицон ажәҩан
хҟьаны. Абзиара ҳԥеиԥшума, иаанагозеи?
А ж ә е и ԥ ш ь а а р ҭ ы ԥ ҳ а. Уи змааноу еибашьроуп.
Уара уқыҭа ар еиқәаҵәа ақәларц ицон. Иҟалап, уажәшьҭа
иақәлахьазаргьы, ууаажәлар рырахә-рышәахә, акы аанмыжькәа, еимырҵәахьазаргьы. Алаҳәа шцоз убеит, аԥсаатә
анԥхьатәоз аамҭазы. Уи змааноугьы уи ауп, урҭ ақәылацәа
џьнышқәоуп, аџьнышқәа ауаа анқәыло иқәылаӡом, угәы
уҽанӡамкәа уаныҟоу иқәылоит. Аӡы агәҭа иалажьыз ахаҳә
аҿы ҩ-ҭыӷь хык еисуа иубаз, цқьа уазымхәыцит акәымзар,
измааноу еилукаартә иҟан. Уи аӡиас илеиуаз аџьнышқәеи
Нарҭааи шәҳәаа акәын. Аҵыхәтәаны шәанеибашьуаз, убри
аӡы ҳәаас иҟаҵаны аибашьра шәалгеит. Наҟ-ааҟ ҭоуба жәуит,
убри аҳәаа шәшахымсуа ала.
С а с р ы ҟ ә а. Ҭоуба аныҟаҳҵоз даргьы уасак ршьит,
ҳаргьы уасак ҳшьит. Ргәаҵәақәа ҳрыхныҳәеит, ржьы ҳфеит,
рхыбаҩқәа наганы, наҟ-ааҟ аӡы нырцә-аарцә аҵәҩанқәа
ирхаҳарԥеит.
А ж ә е и ԥ ш ь а а р ҭ ы ԥ ҳ а. Уажәы, ишубо еиԥш, аџьнышқәа
рҭоуба еиларгеит. Уи аҭоуба аилагара, ауаса хыбаҩқәа атахсахҳәа еинарсит. Еиҭах аибашьра, еиҭах уаныхынҳәуа ҳәа
аԥшра!
С а с р ы ҟ ә а. Даҽа лалабарак збеит, убригьы змааноу
саҳәа, издыруада, уи абзиара иазҳәазар. Избаз џьашьо,
илакәшьо, Ажәеиԥшьаа шәтәарҭахь сышнеиуаз, адәы шшараҿы ҵла дук збеит. Уи аҵла иқәибаҳәа иқәлон, илбаауан
ашьаҵақәа.
А ж ә е и ԥ ш ь а а р ҭ ы ԥ ҳ а. Ашьаҵа ҿыцқәа аҵла
ақәцәахь иқәлон, ашьаҵажәқәа аҵла илбаауан, ус ами?
С а с р ы ҟ ә а. Ааи, ааи, ишыбҳәаҵәҟьазоуп.
А ж ә е и ԥ ш ь а а р ҭ ы ԥ ҳ а. Аригьы змааноу еибашьроуп. Уи
аибашьра убасеиԥш еибашьрахоит, бџьар шьҭызхуаны иҟоу,
уара иувагыло зегьы ҭамхар ауам, убри азоуп ашьаҵашьыхқәа ҵаҟа изылбаауаз. Аха угәы мцакәа, уеибашьуа уҿыноухар, уара уиааиуеит, избан акәзар, уара иухьӡараны иҟоуп
аҿар, убри ауп ашьаҵа ҿыцқәагьы аҵла изықәлоз.
С а с р ы ҟ ә а (инарҵауланы дқәыԥсычҳауа). Дгьыли
жәҩани ыҟанаҵ, ҭынчра ауам, аӷацәа аӷрыӡаауам Нарҭқыҭ
бҳәар саҳаит. Даҽакгьы сбазҵаарц сҭахуп, Ажәеиԥшьаа
рҭыԥҳа. Убарҭ избаз алалабарақәа, ирхысҳәаара сзымдыруа
сышнеиуаз, башьцәа рашҭа сынҭалеит. Шәашҭаҿы иқәианы
ицәан алаԥс еимгәа. Убри амгәарҭа иҭаз аласбақәа аҷыӷәҷыӷә ҳәа сеишра иалагеит. Уи змааноузеи, Ажәеиԥшьаа рҭыԥҳа, ԥырхага ҳауама, ҳҵыхәтәа иацлома Нарҭаа?
А ж ә е и ԥ ш ь а а р ҭ ы ԥ ҳ а. Уи змааноугьы уи ауп,
аибашьра аҵыхәа ԥҵәашт. Иҟалап, урҭ ауаа цәгьақәа, аибашьра еиҵызхыз, ҭахар, аха уиала инҵәом ҳаԥхьаҟа ауаа
цәгьақәа ргылара. Алаԥс еимгәа амгәарҭа иҭаз аласбақәа ануеишуаз, Ажәеиԥшьаа ҳаҳҭыԥҳәыс алаҳәараҿы алу
лыргьежьуан, ахәыӡ алагара даҿын. Уи лыбаҩ лтәымызт.
Лымгәарҭа иҭаз ахәыҷы: «Маҳ! Маҳ! Иҟашәҵозеи?» – ҳәа
аласбақәа уҟәицон. Ҳаԥхьаҟа ауаа цәгьақәа, ауаа хәымгақәа
шгыло еиԥш, ауаа бзиақәагьы гылараны иҟоуп.
С а с р ы ҟ ә а. Еидгыло, рҳәатәы еиқәшәо иҟалондаз,
анаџьалбеит.
А ж ә е и ԥ ш ь а а р ҭ ы ԥ ҳ а. Урҭ хыԥхьаӡаралагьы
ирацәахоит, мычлагьы иӷәӷәахоит. Ауаацәгьақәа ракәзар,
рҵыхәтәа мышкызны иԥҵәашт. Урҭ раҵкыс ауаа бзиақәа
миааирц залшом. Аҳҭыԥҳәыс лымгәа иҭаз ахәыҷы, аласбақәа
ахьуҟәицоз змааноу убри ауп. Сара сзызгәаҟуа акгьы умҳәац
макьана, Сасрыҟәа, акгьы! Мап рцәукуама?..
С а с р ы ҟ ә а (аҵыхәтәантәи лажәақәа илымҳа
инавыжьны). Ауаҩы агәаҟра данҭагылоу аамҭазы иаҟара амч
иванаргылоит агәыӷра. Даҽа лалабатәыкгьы збеит, аха уи
баҳәара сҭахым. (Адәахьыҟа дӡырҩуа.) Шьҭыбжьы бааԥсқәак
рҿыҩуеит ҳашьхақәа. Сашьцәа еиҭах абџьар шьҭыхра иақәшәазар ҟалап. (Ддәықәларц аҽеибыҭара далагоит.)
А ж ә е и ԥ ш ь а а р ҭ ы ԥ ҳ а (ииҳәаз лмаҳазшәа, цәажәарала
ԥыҭрак днылкыларц). Абарҭқәа зегьы рышьҭахь, аҩны уанааҩнала, сара субеит, аха сышԥоубеи? Убриоума иуҳәарц
иуҭахым, сфырхаҵа? Субеит сара схы схагылаӡамкәа. Ари
змааноугьы уи ауп, уара аԥсреи абзареи урыбжьагылоуп.
Уара уаншәа, угәы анца, ауаҩы гәысгьы шьамхысгьы имоу
амшәароуп, уҭахар ҟалоит. Сара хыс исхагылоу уара уоуп,
уара уанҭаха, нас сара ахы сызҭода? Аха умшәан, Сасрыҟәа,
уара уиааиуеит, амала угәы уҽаныз.
С а с р ы ҟ ә а. Бӡырҩи, Ажәеиԥшьаа рҭыԥҳа! Ашьхақәа
ирҿыҩуа ашьҭыбжьқәа иаҳа-иаҳа иӷәӷәахоит.
А ж ә е и ԥ ш ь а а р ҭ ы ԥ ҳ а. Исыздыруам нцәахәыс
дарбану изылшо, шәарҭ ауааԥсыра шәеиныршәара...
С а с р ы ҟ ә а. Ажәеиԥшьаа дуқәа рҭыԥҳа, ҳарҭ Нарҭаа,
адунеихаан қәлара ҳамцац, уаҩԥсы дхаҳмырҵәац, еснагь
ҳара иҳақәлоит, еснагь ҳара ҳазҿу Нарҭқыҭ ахьчароуп. Аа,
уажәгьы, аӷацәа ҳақәлазар, сара сҵыхәтәыдахоит ҳәа сшәаны, араҟа сызлатәарызеи?!
А ж ә е и ԥ ш ь а а р ҭ ы ԥ ҳ а. Сара акы сҳәоит, иара даҽакы
дазхәыцуеит. Урҟәаҵ иҟауҵахьоу, ахьӡ иурҳахьоу узхоит.
С а с р ы ҟ ә а. Ахьӡ арҳара цәгьоуп, аха арӡра мариоуп. Ар
ҳарҿагыланы ҳанеибашьуаз, дшәаны зыҩны издәылымҵыз,
зыԥҳәыс илԥырымҵыз ҳәа сзырҳәап. Нас бара дзыбҭахузеи
ус еиԥш ззырҳәо ахаҵа?! Сыҩны-сгәара қьаԥҭажәбымтәын
сара схынҳәаанӡа. (Иҿынеихоит. Лнацәа рыхханы амҩа лырлашоит, аиааира игарц азы адоуҳа изыҟалҵоит ҳәа дыԥшуп.)
Сыбзыԥшуп, сымҩа сықәҵа, бнацәкьыс ала ирлаша сымҩа.
А ж ә е и ԥ ш ь а а р ҭ ы ԥ ҳ а (дылмышьҭыҵәҟьарц
дихьынҳалоит). Иазхоуп иҟауҵахьоу. Адауцәеи аџьнышқәеи
изныкымкәа урабашьхьеит. Ухазыҳәан бзиарас иалухызеи?
Узеиканыз, адоуҳа узыҟарҵеит, урыӷрыӡаанӡа ҿиара умоурц.

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 26
- Büleklär
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3316Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23490.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3340Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23520.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3345Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22500.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3328Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23160.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3385Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23440.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3340Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23060.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3345Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23680.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3324Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22900.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3285Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22810.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3325Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23080.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3339Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23130.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 12Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3318Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23480.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 13Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3280Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22850.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 14Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3350Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23100.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 15Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3316Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23530.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 16Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3308Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23510.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 17Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3323Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23690.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 18Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3363Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23490.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 19Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3351Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23420.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 20Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3304Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24120.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 21Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3400Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23980.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 22Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3355Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23280.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 23Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3464Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23090.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 24Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 4490Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19500.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 25Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 4507Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19470.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 26Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 4637Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19040.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 27Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3881Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20040.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 28Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3326Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22410.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 29Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3292Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22410.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 30Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3355Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22270.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 31Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3411Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22570.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 32Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3351Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23220.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 33Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3328Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23310.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 34Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3423Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23260.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 35Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3404Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23000.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 36Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 813Unikal süzlärneñ gomumi sanı 6270.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.