LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 24
Süzlärneñ gomumi sanı 4490
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1950
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
имазеиуп ажьаҳәа, имазеиуп сыԥсынгьыри, уи азыҳәан акәзар
сылабара зыбҭахыз, ахьышьаргәыҵа, Саҭанеи Гәашьа?..
С а ҭ а н е и Г ә а ш ь а. О, мап. Даҽакуп, зынӡаск даҽакуп
сызмырҭынчуа...
А и н а р - ж ь и (лажәа алгаха лымҭакәа, иаалырҟьаны).
Сишь! Ашьхақәа ирныҩуеит аҽышьҭыбжьқәа. Сара зшьапы
счаԥаз аҽқәа рышьҭыбжь харантәгьы издыруеит. Ихынҳәны
иаауеит быҷкәынцәа, Саҭанеи Гәашьа! Рашәа! Бӡырҩы! Иааҩуеит, Нарҭаа рашәа ааҩуеит! Ахапа зҳәо Қьеҭуан иоуп.
С а ҭ а н е и Г ә а ш ь а (дуалуашоит, лгәыҵха иаҳа-иаҳа
иазҳауеит). Ишԥаҟасҵари, сыҷкәынцәа ирасҳәарызеи, ажәа
ҟәыӷақәак насабжьга, Аинар-жьи. Дара ахьынӡаҟамыз диит,
изҳаит сыҷкәын аиҵбы Сасрыҟәа. Шықәса шәкы зхыҵуа,
ҳаб ахымхәа дшихымшаз аадыруеит, иаб дызусҭада ҳәа
исазҵаар, аҭакс ирысҭарызеи?
А и н а р - ж ь и. Ихьаагатәым хьаас ишьҭыбхуеит, ахьышьаргәыҵа. Бара ибҳәо иҟабҵо брықәиҭуп. Дарбан уаҩԥсу
бара лахь быҭара зылшо! Дгьыл аҿгьы жәҩан аҿгьы бара, ан
боуп иҟоу.
С а ҭ а н е и Г ә а ш ь а. Иаазқәылаз сыххәыцра усҟак
иргәамԥхозшәа збо салагеит сыҷкәынцәа. Сшәоит, рыхшыҩ
аҵкыс рымч аиааир ҳәа.
А и н а р - ж ь и. Абар, иааигәахоит даргьы. Игоит игәышьҭыхгоу, аиааира иатәу Нарҭаа дуқәа рашәа! (Саҭанеи
Гәашьа лгәы иҟычырц.) Сара ирасҳәап рашьа еиҵбы ихуиҵыхәоу. Ирасҳәап уи иишьа уаҩԥсы иишьа ишеиԥшымыз,
уи изҳашьа уаҩԥсы изҳашьа ишеиԥшымыз.
С а ҭ а н е и Г ә а ш ь а. Уласы, Аинар-жьи! Сыҷкәынцәа
ҽыжәҵны, рыԥсы ааиҭаркаанӡа, арахь дааумышьҭын Сасрыҟәа. Иазыҟасҵап, нас дыдҳарбап. Дара ахьынӡаҟамыз ирзыссыз рымаҭәақәа сырмазеип. (Аган ҩны дныҩналоит.)
А и н а р - ж ь и. Дабацеишь Сасрыҟәа? (Илахь инапы
аԥыракуа дыԥшуеит.) Абан адәышкәаӷьаз аҵыхәан дахьыхәмаруа. (Дцоит.)
А џ ь н ы ш ҭ а к ә а ж ә (Нарҭаа рхыԥша дыԥхаҵаны
даанацоит. Лытәӷәыбжьара ибжьҳәаны, арбаӷь сахьа аҭаны, алаба дақәтәоуп. Амаҭаԥшь ҟамчыс илкуп. Лхы лшьапы
умбо, маҭәеиқәаҵәала деилаҳәоуп). Ҳаршьит! Ҳаршьит!
Ҳандыр-ҵәеит! Инҵәаша, здаракәац ыҟаӡамкәа иқәӡааша
Нарҭаа! Аџьнышқәа ҳаҟаӡамкәа ҳаршьит, ҳандырҵәеит!
Ашьаӡагәаӡа фҩы сыхлахаҵ аргьежьуеит. Деиқәыбгароуп
шәара шәзыхшаз аԥҳәыс! (Инаҳаракны дыԥшуеит. Аарла иааҩуа Нарҭаа рашәаҳәабжь лаҳауеит.) Сыҷкәынцәа
нырҵәаны, игәырӷьаҵәа, ашәа ҳәо иаауеит. (Днатәоит,
дхәыцуеит.) Ишԥаҟасҵари? Рдаракәац ыҟаӡамкәа иннарҵәартә ирыҵазгаларызеи? (Лҭаҷкәымқәа рыла лхы дасуеит.)
Уалга, уалга, џьара акы ӡба! Аҳаа! Иҭашәеит, схы иҭашәеит!
(Дҩаҵҟьоит). Аџьнышқәа ҳакәымзар, адоуцәа бзамыҟәқәа,
адунеихаангьы рхы иҭамшәашаз бзиак схы иҭашәеит! Ауаҩы иԥсы ахьҭоу удыруазароуп уаниааиуа. Амч рызҭазеи
Нарҭаа? Аџьнышқәеи адоуцәеи ҳармыхәо иҟазҵазеи?
Аидгылара! Напык иамоу анацәкьарақәа шеиламҵәара
еилаҵәаны ианеидгыла, рымч иааишьа змам ҭаҷкәымхеит. Ус
анакәха, анацәкьарақәа еиламло иҟаҵатәуп. Иқьаԥҭахароуп
сызқәыԥшуа шәашҭа! Дида! Дида! Иаауеит, иаауеит! Саарԥыхьашәар, амца сыҽҳәаҵаны сҟаԥшьӡа сырӡуеит. Уԥры,
уеиха, шьашәы рарбаӷь! (Лҽылҵәахуеит. Ашәаҳәабжь иаҳаиаҳа иааигәахоит, рҟамчышьҭыбжьқәа дыдраҵас ирго иааҩуеит Нарҭаа.)
Г ә ы н д а - ԥ ш ӡ а (ахан хьыҵәцара дылбааҟьаны
дааиуеит. Зҭәымҭа иҭагылоу ԥҳәызбоуп.) Сашьцәа дуқәа,
сашьцәа хазынақәа, шәаҳәшьа дшәыкәыхшоуп, шәеибганы
шәхынҳәыма?!
Н а р ҭ Д ы д. Хьӡи-ԥшеи ҳаманы ҳхынҳәит, гәыс
иҳазҭоу, блас иаҳхоу, ҳаҳәшьа ԥшӡа! Бара бышԥаҟоу, аӡәыр
биргәамҵма, бааигәара ҳахьынӡаҟамыз?
Г ә ы н д а - ԥ ш ӡ а. Шәхаҭақәа сааигәара шәыҟамзаргьы,
шәхыԥша сахьчон, сашьцәа дуқәа. Аӡәык-ҩыџьак мҩахыҵқәеит сымҵадырсырц, аха сҩыза Ханиеи сареи алаба
иаҳаргеит урҭ.
Н а р ҭ С и ҭ. Шаҟа бзыфо ашәарах рбаҩлаша бзаагеит,
Гәында. Аибашьрахьтә ҳхынҳәны ҳшаауаз иааҳамҩатәны
ҳнымҩахыҵит шәарыцарагьы. Дабаҟоу ҳан, ахьышьаргәыҵа Саҭанеи Гәашьа ?
С а ҭ а н е и Г ә а ш ь а (аган ҩны аҟнытә ҿылҭуеит).
Уажәыҵәҟьа, нанраа, уажәыҵәҟьа! (Амаҭәақәа еидыҳәҳәала
икны даадәылҵуеит.) Сыҷкәынцәа, шәан дшәыкәыхшоуп!
Нашанала издырхьан шәахьыҟаз хьыӡ ганы шәшыхынҳәуаз,
шәаанӡагьы шәфырхаҵара аӡбахә ааҩхьан Нарҭқыҭ. Шәызегьы акәымжәқәеи акабақәеи шәзылсит шәан.
Н а р ҭ С и ҭ - и ԥ а У а х с и ҭ (маҷк инамыцхәны дыҽхәацәома уҳәартә). Аџьнышқәа иаҳшьуаз ҳшьит, иаанхаз, Нарҭқыҭ ршьапы аладмыргыло, иқәаҳцеит, ахьышьаргәыҵа ҳан.
С а ҭ а н е и Г ә а ш ь а. Аҭырас егьа иурхыргьы, хәыҷык
иадамхаргьы адгьылаҿы адац анынха, еиҭах итәырԥсаны
иҩагылоит. Убри иаҩызоуп аџьнышқәагьы. Урҭ еиҭах рҽеибырҭоит, сыҷкәынцәа. Шәыҟазароуп еснагь рабашьразы
шәыхианы. Шәасақәа рыбжаранӡа рыҭрақәа ирҭыхны шәныҟәалароуп, шәара шәеиԥш аеҳәшьа дызмоу.
Н а р ҭ К ә ы н. Гәыҵхас иҳамаз ҳаҳәшьа заҵәи бареи
шәакәын, ҳан. Уажәшьҭа шәарҭгьы ԥырхага шәымамкәа,
аччаԥшь шәҿықәыхх шәанаҳԥыла, ҳарҭгьы хьыӡганы ҳаныхынҳә, убас еиԥш фара-жәрак ҳәа ҭаҳҵароуп, Нарҭаа рчараушьа ҳәа адунеи ыҟанаҵ ирҳәалартә!
С а ҭ а н е и Г ә а ш ь а . Уажә ааигәа шәаҳәшьа Гәында-ԥшӡа
дигарц, мҩасҩык дымҩахыҵит, аха лҿаҭахьа шәымдыруеи,
исиааиуа иҷыдахаз аӡәгьы сиццом лҳәахьеит...
Г ә ы н д а - ԥ ш ӡ а. Ихы имагәхьха дцеит уи ашҭа
дынҭыҵны!
Н а р ҭ Қ ь е ҭ у а н. Амҩахыҵраҵәҟьагьы злеигәаӷьызеи!
Сишьҭалоит. Амра аҭашәара иԥсы ацҭасыршәап. (Иҟама
дахоит.)
Н а р ҭ Б а ш н ы х ә. Уҽаанкыл! Икаҳаз уихымыччан.
(Г ә ы н д а лахь.) Ҳаҳәшьа, абри аҳаҭарҵә иҭоуп абаҩлаша,
аа, бысҭ. (Илиҭоит.) Бхан хьыҵәцарахь бынхал.
Г ә ы н д а дцоит. Саҭанеи Гәашьа лыҷкәынцәа ирызлырхиахьаз аласа
маҭәақәа рыдылшәалоит. Дреигәырӷьоит. Ашҭа анҭыҵҟагьы дыԥшуеит,
Сасрыҟәа дахьыҟоу, дызҿу лбарц.
Н а р ҭ Д ы д. Ԥсышьацәгьа лаҳҭарц ҳашлышьҭаз, шьашәы
рарбаӷь днақәтәан, амаҭаԥшь ҟамчыс икны, дҳацәцеит аџьнышқәа ран, аҭакәажә хәырҭлаӷь!
С а ҭ а н е и Г ә а ш ь а. Шәыжәҩа еибыҭанаҵ, шәан лҳәатәы
хашәҵонаҵ, шәарҭ аӡәгьы дзышәиааиуам, шәаҳәшьа-заҵәгьы дшәарҭам. Ашәа шәҳәа, шәкәаша, хьыӡла ихынҳәыз
сыҷкәынцәа! (Абарҭ ажәақәа лҳәоит лара аныс мацара
акәымкәа, хадас дышрымоугьы лныԥшуа.)
С а с р ы ҟ ә а (дыҩны дааиуеит. Арԥыс ҵәрышкәак иоуп.
Имаха-шьаха еилаҟацаӡа дыҟоуп. Ҿиҭуеит. Хаҵа наӡак имч
илалахьеит). Сан, сҽы абаҟоу? Уажәшьҭа сҽыжәларц сҭахуп!
Н а р ҭ С и ҭ. Ҳаи, шәанаџьалбеит, дызусҭада, ҳара даҳзымдырӡо, сан ҳәа, ҳан илацәажәо?
Нарҭаа неихәаԥшы-ааихәаԥшуеит. Рызегьы иааиз арԥыс дџьаршьоит.
Ҟьалак днанагазшәоуп ишихәаԥшуа.
Н а р ҭ К ә ы н. Дад, уара уабатәиу, уабаанагеи?
С а с р ы ҟ ә а. Ҳаи, ишәҳәашьоузеи, Нарҭаа дуқәа,
шәашьеиҵбы уабатәиу ҳәа шәышԥаиазҵаауеи? Ҳан ишәалҳәахьаз џьысшьон сыӡбахә.
Н а р ҭ Д ы д. Уагьхәыҷны, аҽхырцәажәарагьы уланы,
изакәызеи иҳауҳәо? Аешьа дҳамазар ҳара иҳамдыруеи...
ихәы аахьеит ҳара ҳашьеиҵбы!
Саҭанеи Гәашьа ажәақәак лҳәарц лҽыназылкуеит, аха Сасрыҟәа аҳәаха лиҭом.
С а с р ы ҟ ә а. Баанҿас, сан. Уҳашьоуп рҳәартә еиԥш
хаҵара ҳәа акгьы ҟасымҵац. Ибзиоуп, Нарҭаа дуқәа, сыԥшра ссахьала сышәзымдыруазар, ма абри алагьы сышԥашәзымдырри. (Дыҩны дцоит. Иҟаиҵозеи, дабацоишь ҳәа
ихәаԥшуеит. Ран иҟалҵара дақәшәом.)
Н а р ҭ С и ҭ (Сасрыҟәа дахьцаз дыԥшуа). Ҳаҽқәа ахьҿаҳәаз
днарыдыххылеит.
Н а р ҭ Д ы д. Рҵыхәақәа иртларц дцеит, хымԥада.
Зегьы ччоит. Ран илцәымыӷхоит.
Н а р ҭ Қ ь е ҭ у а н. Баша ҳаччоит. Шәыԥшы, шәыԥшы
иҟаиҵо! Ампыл еиԥш ҳаҽқәа шьҭыхны, акакала иршәуеит.
Аҩны иахырууааны ишьҭуеит.
Н а р ҭ Б а ш н ы х ә. Алалабатә аабоит, шәанаџьалбеит!
Нарҭаа цәгьарак ҳԥеиԥшуп. Ҳаҽқәа ыршәны, ҵаҟа икаҳаанӡа
дрымҵасны икуеит.
Н а р ҭ Д ы д. Ҳабла иабо бзиарак иазҳәам.
Дхынҳәны дааиуеит С а с р ы ҟ ә а. Ирҳәара рҿамшәо еилагылоуп
аишьцәа.
Н а р ҭ С и ҭ. Нарҭаа дуқәа, ишәыхьзеи, шәгылоуп
шәеиҵаӷәӷәа? Ҳара ҳаҽқәа рхала мацарагьы иахыԥон аҩны,
митәык ҟаимҵеит!
Н а р ҭ К ә ы н (Сасрыҟәа иахь). Ҳаиуанжәқәак шьҭыхны
иуршәзар, фырхаҵарак ҟауҵаз џьумшьан. Уиала уҳашьоуп
ҳәа уаҳзыԥхьаӡом.
Нарҭаа икәшаны Сасрыҟәа ихәаԥшуеит. Асцена аганаҿы даацәырҵуеит
А ж ә а ҳ ә а ҩ.
С а ҭ а н е и Г ә а ш ь а . Уҽы убарц уҭахын, Сасрыҟәа. Уара
уаниуаз арашь маркаԥа уцины иҟоуп, ауаа дәықәысҵеит,
икәадырны иузааргоит уажәыҵәҟьа.
А и н а р - ж ь и (бжьаҟазара ажәала). Иаҳагьы шәыхьӡ
ҭызгаша, иаҳагьы аиааирақәа шәзыргалаша аешьа дшәоуит.
Уи иишьа уаҩԥсы иишьа еиԥшымызт. Дины данынкашәа,
напык наркӡаны дазкуамызт. Аԥырӷы еиԥш, ицәа-ижьы
ҟаԥшьын. Амца аҵкыс имаха-шьаха мцан. Иҟырҟы дырхәхә
арц агәыԥҳәы аниҿарклак аҳәсақәа, «Ҳаблит, ҳаблит!» – ҳәа,
арҵәааҳәа иҳәҳәаны, идәылҟьон. Иара дҵәуомызт-дыхь
уамызт. Акы дазыԥшызшәа дкаршәын. Абас, асаби даниз ауха,
агәыла ҳәсақәа еилагьежьуа иангылаз, агәылара ҽанкгьы
ҽҵыск ариит. Уи аҽҵысгьы ҽҵыс еиԥшымызт. Ирыхьчеит,
ирааӡеит уи аҽҵыс.
Н а р ҭ Д ы д (иаҳауа агәра игоу-имгоу узеилмыргартә).
Напы дазымкуазҭгьы, дани дызлашьҭышәхзеи, дызлашәкәабазеи?
А и н а р - ж ь и. Арыҭәа дыбжьакны дышьҭысхит. Ажьираҿы дызган, аҽҽаҳәа аџыр аилашра иахьаҿыз дналасыр-
шәит. Аӡырҟәанда дӡаазшәа, днаҳәы-ааҳәуа аихаршы дӡааршәылан аҽны хәлаанӡа. Џырла дсыӡрыжәит. Арыҭәа
дыбжьакны данааҭысх: «Сан, амла, амла!» – иҳәеит. Аихатәы
џьам аақәԥааны, аихарҭәа инаҵысшьын, ирҟас-ҟасо, аԥшқа
иқьышә инадыскылеит. Дымлаҟы-млаҵәо, аҟәырқь-ҟәырқьҳәа аихарҭәа нылбааидеит.
С а ҭ а н е и Г ә а ш ь а . Ажьираҿынтә дыӡрыжәны данааргаҵәҟьа: «Сан, сабабырио, сгара збаӡомеи?» – иҳәеит. Уара
уиаанӡагьы угара ҟаҳҵахьан, уажәыҵәҟьа иааргоит, сҳәан,
Аинар-жьи иҟаиҵахьаз, аихатә гара ааргарц ауаа сышьҭит.
Агара аӡәгьы изышьҭымхит.
А и н а р - ж ь и. Убасҟан асаби ус ҿааиҭит: «Сан бырҟәаҵ
урҭ! Ирылшом, ирымабкузеи, сара сцоит, агара сара иаазгоит. Адәы снықәлар, хәыҷыкгьы сшьапы ааиҵысхып!»
Агара ааганы, афырҳәа дахьынԥашалан, ашьшьыҳәа днаниалеит. (Дахыҽхәаны.) Нарҭаа дуқәа шәжьи убасеиԥш иҟаз
агара ҟаиҵеит, шәашьа данынаниала, иара ахала аҵысра
иналагеит.
С а с р ы ҟ ә а. Сан, уажәгьы изаарымгацзеи сҽы?
С а ҭ а н е и Г ә а ш ь а . Уажәыҵәҟьа, нан, уажәыҵәҟьа
иааргоит.
А ҳ ә ҳ ә а ҩ (дыҩны, иԥси-иԥси еихьымӡо дааиуеит). Ахьышьаргәыҵа Саҭанеи Гәашьа , инабышьҭыз ахаҵа, Сасрыҟәа
иҽы амԥынҟа дықәнамыжьлеит. Аҟәараӷ ахасыршәуеит ҳәа
даналага, иҵыгьны ихы ԥыххаа иханаҵеит! Иннарҵәоит,
амԥын инеиз зегь шьны иканажьуеит!
С а ҭ а н е и Г ә а ш ь а (дшаамбаӡац ала деилашәоит,
лыбжьы ҭылцоит). Ҳаит, алаӡахша! Иацы ииз аҽҵыс аӷәра
изахамҵо дыҟазар, иқәнагаҵәҟьа ихьит.
А ҳ ә ҳ ә а ҩ. Уара аҟәараӷ узахамҵазар, сара искуеит ҳәа
иҿынеихеит даҽаӡәы. Ааигәара даннеи аԥынҵа убас фақьк
кылҟьо иалагеит, амца рҳәы еиԥшын. Иахьынаицрасыз,
деиӷрыблаа, драцәазу, дуаҩызу узымдыруа днықәнаҵеит.
(Дцоит.)
С а ҭ а н е и Г ә а ш ь а (ишылҳәац еиԥш, иара убасҵәҟьа
дгәааны). Афуҟаражә! Ацәарҭәа далхызма, аҿы аԥынҵа
икылҟьоз афақь ца шынеигәыдсылаз еиԥш дышԥеилаҳаи!
С а с р ы ҟ ә а (иан лгәы жьжьауа). Ибуазеи, сан, бгәы
ԥыжәжәо сҽы ахьыҟоу сара сзымнеиуа сыҟоума схалагьы
сцап... (Аӡәыр дсыццома ҳәа иашьцәа дрылаԥшуеит. Урҭ
аӡәгьы игәхьаа икӡом.)
С а ҭ а н е и Г ә а ш ь а . Ҳаи, нан, ухала ушԥацои?
(Иашьцәа аӡәгьы ицныҟәара шырҭахым лбоит.) Ианақәукых,
уан дукәыхшоуп, уҽы аӷәра унапы лҭарԥаны уца. Уҽы ада ҽы
шухәарҭам зегьы ирдырп, убжьы нақәургар, икьыркьыруа
иаауԥылоит.
Сасрыҟәа иашьцәа еиҭа днарылаԥш-аарылаԥшуеит аӡәыр дсыццарымашь ҳәа. Урҭ аӡәгьы дахьгылоу дҵысӡом. Ихала дцоит. Аишьцәа
ахәадахьы иҩхаланы, Сасрыҟәа изыԥшуеит.
Ажәаҳәаҩ
(Уаанӡа иҟалоз иаргьы дахәаԥшуа дгылан. Иҽырҭынч,
илабашьа иҽанҵаны, иажәа инациҵоит.)
Дақәтәеит арашь, дақәтәеит Бзоу.
Иаразнак акәхеит, ахьшь еиԥш иԥрит.
Ахьшь еиԥш иԥрит, аха адәы иқәымлеит.
Уи ԥрит ҵәҩанҵәыҟа, ишиашаз ажәҩан ахь,
Уи иаҭахын Сасрыҟәа ажәҩан даннаҟьарц,
Аха ажәҩанаҿы ишиашаз ианнеи,
Сасрыҟәа дааҳәын аҽы амгәа дыҵалеит,
Усҟан иаҭаххеит адгьыл даннаҟьарц,
Аха Сасрыҟәа дааҳәын аҽы абӷа дықәтәеит.
Уаҩы изымбжьоз, имцабзыз арашь.
Иашьцәа ишырбоз ибжьаны дақәтәеит Сасрыҟәа.
Н а р ҭ Д ы д (ахәы днықәгылан, иӡара ҭкәыцәаа икны,
ибла иабо агәра изымго ҿиҭуеит). Уаа, ҳан, бабаҟоу? Ҳан,
бааскьеишь араанӡа!
Н а р ҭ С и ҭ.
Ҳабла иабо дызусҭада,
Бажәа ҳазыԥшуп.
Н а р ҭ Б а ш н ы х ә. Нарҭаа ҳтәык шилоу уажәшьҭа агәра
аагоит, аха Аинар-жьи ииҳәаз ҳазхом.
Н а р ҭ С и ҭ. Дабаанагеи?
Н а р ҭ С и ҭ-и ԥ а У а х с и ҭ
Ҳаб, аҭаҳмада, ачымазаҩ, алашә,
Шәышықәса раахыс аҽҳәа иҽҳәатәоу,
Ари дшихылымҵыз ҳамҩашьо иаадыруеит.
Н а р ҭ К ә ы н . Ари еиԥш ахьбаҳҳәо гәыбӷан ҳабымҭан,
ҳан, аха ҳаргьы уажәшьҭа ҳсабицәам, аиаша аадыруазарц
ҳҭахуп.
Н а р ҭ Қ ь е ҭ у а н. Дызхылҵда, дзыжәлада ҳабла иабо
арԥыс? Ацаҟьа далхны дшәааӡазаргьы, жәлак дахылымҵыкәа
дҟаларым!
Н а р ҭ Б а ш н ы х ә. Аин ианахшо илашәуп аласба. Нас,
ишнеиуа, аблақәа хтуеит. Абыржәада, дгьыл ҳақәнагалазар,
гәрамгарҭас бҟаҳамҵац, ҳан, аха ҳаргьы уажәшьҭа...
Саҭанеи Гәашьа
Шәан лзыҳәан шәгәы еиҭамсын,
Хьӡи-ԥшеи згым сыҷкәынцәа.
Шәара ихьымӡӷышәшьаша ешьа дшәымам,
Бзоу зыбжьаз арԥыс шәара дшәашьахаҭаҵәҟьоуп.
Уи Нарҭаа дшәеиӷьымхозар дшәеицәахараны дыҟам,
Шәыжәҩа еибышәҭар, иаҳагьы шәыӷәӷәахап.
Аџьнышқәеи адоуқәеи рҿаархар, аиааирақәа жәгап.
Н а р ҭ Д ы д. Ҳнашәышьҭ аҩныҟа.
Рган ҩны иныҩналоит. Ианааиҵәҟьаз агәырӷьареи агәышьҭыхреи
ирымаз хәашьрак налалеит. Аишәа рымҵалыргылоит Саҭанеи
Гәашьа. Рхәы ықәлыргылоит. Ашҭаҿы имацара дгыланы дыԥшуеит
Сасрыҟәа.
Ажәаҳәаҩ
Нарҭаа рыҩнқәа мыцхәы идуун,
Хаҳә еиқәҵала урҭ ҟаҵан,
Рыкрыфарҭа еиҵҳәа игылан,
Рыҩцара акәзар, иҵегь еиҳан,
Рҳаԥшьа ду Ҩаӡамакьат ахьӡын.
Нарҭаа зықәтәоз рымӡк рыман,
Уи рыҩны ахышәара-ҵышәара иахьӡон.
Иреиӷьу аиха иара алхын.
Еиҳабы-еиҵбыла еиватәа иқәтәон.
Уааи ҳәа иарымҳәеит Сасрыҟәа,
Ашҭаҿы даанрыжьит ихала.
Н а р ҭ Д ы д. Ҳан, ҳаҳәшьа лыбла ҳҭамԥшуа, ачеиџьыка
напы аҳаркуам.
С а ҭ а н е и Г ә а ш ь а . Уажәыҵәҟьа слыԥхьоит Гәындаԥшӡа.
Н а р ҭ С и ҭ. Мап, баанҿас. Башныхә, уара уҳаиҵбуп,
унеины иҳазлаҳәа, ахан дылбааны ҳара ҳҿынӡа дааиааит
ҳаҳәшьа.
С а ҭ а н е и Г ә а ш ь а . Иауазеи Башныхә дшәеиҵыбны.
Абан дахьгылоу исыхшаз ишәеиҵбу. (Сасрыҟәа лнапы
наиқәылкуеит.)
Н а р ҭ С и ҭ (иан илҳәаз имаҳаӡазшәа). Уара уҳаиҵбуп
аирак, Башныхә, ахан унхаланы, ҳаҳәшьа дылбаарц ҳазлаҳәа.
Уи сҳәеит ҳәа, абар лара дахьаауа.
Амардуан дылбааны дааиуеит Г ә ы н д а - ԥ ш ӡ а.
Н а р ҭ Д ы д. Аиргьаа рҭыԥҳа Ханиагьы длыцуп.
Иааиуеит Г ә ы н д е и Х а н и е и. Гәында абжьааԥны аҵкыс уажәы иаҳа
еицәаны, лхы дацкламԥшыкәа деилаҳәоуп. Лымаҭәақәа ажә-мыжәуп.
Лхахәгьы цқьа иҳәам.
Г ә ы н д а - ԥ ш ӡ а. Шәаҳәшьа дшәыкәыхшоуп, сашьцәа
дуқәа, ачаӷьа шәнапы ашәыркы.
С а ҭ а н е и Г ә а ш ь а. Ҳаҳәшьа лыбла ҳҭамԥшыкәа
ачаӷьа ҳнапы аҳаркуам, рҳәан, ибзыԥшын, нан.
А и р г ь а а р ҭ ы ԥ ҳ а Х а н и а. Еснагь хьӡи-ԥшеи
шәыманы шәхынҳәлааит, Нарҭаа дуқәа!
Н а р ҭ Д ы д. Ҳаҳәшьа леиԥш иаабо Аиргьаа дуқәа рҭыԥҳа
Ханиа, бзиала баабеит!
Аишьцәа акрыфара иалагом. Гәында-ԥшӡа илыхәаԥшуеит. Лааишьеи
леилаҳәашьеи ргәамԥхеит.
Н а р ҭ К ә ы н. Ҳаҳәшьа, беилаҳәашьа цқьа иаҳгәаԥхом.
Ԥасеиԥш пату ҳақәбымҵаӡои башьцәа? Бгәы нзырхаша кыр
ҟаҳҵама? Ибыхьзеи, бхы ацклаԥшра баҟәымҵызааит?
Н а р ҭ Қ ь е ҭ у а н. Быԥшӡара хыбшьаар, быхьӡ-быԥша
ланарҟәыр ҟалоит, ҳаҳәшьа.
Г ә ы н д а - ԥ ш ӡ а. Шәара шәҟынтә гәеизҳарада, гәала
сымаӡам, сызкәыхшоу сашьцәа. Ииашоуп, схы ацклаԥшра
саҟәыҵит. Изыхҟьогьы шәара мыцхәы бзиа шәахьызбо ауп.
Сызлаҟамгьы инацҵаны, сыхьӡ ахара инаҩит… Ахьӡ мыцхә
гьы шәарҭоуп, шәаҳәшьа дшәыкәыхшоуп.
А и р г ь а а р ҭ ы ԥ ҳ а Х а н и а. Гәында-ԥшӡа дымҵарсны
дигарц, шәара шәаныҟамыз имҩахыҵыз, дгьыл хараӡакахьтә
иааз уаҩын. Ҳара ҳтәыла аҿынӡа инаҩхьеит Гәында лыԥшӡа
ра аӡбахә, иҳәеит.
Н а р ҭ Д ы д. Уи еиҳау гәадурас иҟоузеи башьцәа ҳзыҳәан.
Быхьӡ ахыҵәааит адунеи зегьы.
Н а р ҭ Б а ш н ы х ә. Ҳаргьы ҳбылаҽхәалап.
Г ә ы н д а - ԥ ш ӡ а. Усҵәҟьа сыӡбахә гар, сшәоит, сашьцәа,
шәаӷацәа рхыԥхьаӡара иацлар ҳәа.
X а н и а. Аилаџь иалаҵаны, Гәында-ԥшӡа амацәаз
зылҿарҵазеи аҳәса гьангьашқәа? Дганы аҵеџь дызҭарыжьзеи, сҩыза гәакьа? Шынеибаку зегьы зыхҟьо лыԥшӡароуп.
Алхәыз ҷкәын, ашәарыцаҩ, иаҳәшьеи иареи, насыԥла,
дрымбазҭгьы, атыша дынҭаԥсы дцон Гәында. (Гәында даалгәыҵалыҳәҳәоит.)
С а ҭ а н е и Г ә а ш ь а. Алхәыз ҷкәын маҳәыс дысгәаԥхеит.
Дахьыжәбо пату иқәышәҵала. (Лычқәынцәа днарҿаԥшуеит
исҳәаз аӡәыр иамашәкуама ҳәа аанаго. Аишьцәа ҿымҭ
иақәшаҳаҭхоит илҳәаз.)
А и н а р - ж ь и. Гәында-ԥшӡа адау дицәышәыхьча!
Адау дигарц длышьҭоуп. Шаҟантә иҽазикхьоузеи. Ахҿақәа
лыжәиҵон. (Дцоит.)
Гә ы н д а - ԥ ш ӡ а (иламхаҳәоит). Убарҭ ахҿақәа
дырҿагылеит Алхәыз ҷкәын.
А и р г ь а а р ҭ ы ԥ ҳ а Х а н и а. Гәында илдыруеит убарҭқәа
лыԥшӡара ишахҟьо! Уи дызбаз, иԥсы налылахоит. Лыдлаԥса
адәы сықәзар аҵкыс, лшьапаҿы ма сыԥсып, иҳәоит.
Г ә ы н д а - ԥ ш ӡ а. Усҟак сыбмырҽхәан, сҩыза гәакьа.
Бара ибышьҭоу аҷкәынцәа маҷушәа, ԥшра-сахьала саҵкыс
беицәоушәа. Дызусҭада Хәаша Бырзыкь ихы зыхҭниҵаз?
Аиргьаа рҭыԥҳа Ханиа-ԥшӡа лакәӡами?
Н а р ҭ Б а ш н ы х ә. Аҳы! Аҿырпын зыӡбаз, ашәаҳәара аԥызҵаз, ҳашьа Нарҭ Қьеҭуан, ицәырга Нарҭаа ҳашәа.
Ашьхақәа ирныҩааит, ажәлар ираҳааит, аиааира ҳаманы
ҳшыхынҳәыз!
Н а р ҭ С и ҭ. Ҳаӷацәа аӡәыр дынханы дыҟазар, ҳашәаҳәара гәыԥжәагахааит иара изыҳәан, ҳара ҳазцәымӷу, рыҩны
амыткәма дәылҩааит. Ҳаҳәшьа заҵәы иҵегьы лыблақәа
лхаччалааит!
С а ҭ а н е и Г ә а ш ь а (аҩнашәаҿы днеины игылоу Сасрыҟәа иахь). Ашәа рыцҳәа уашьцәа, урыцгәырӷьа, насҭха
умгылан, уан дукәыхшоуп, Сасрыҟәа.
Ашәа рҳәоит, аиааира иргаз еигәырӷьоит. Раҳәшьа илыкәшаны икәашоит. Реиҳа ргәырӷьара халаны ианыҟоу аамҭазы, дқьыԥаха, деихьыжәеикәыжә, дышзахәо дыҩны дааиуеит А ҳ ә ҳ ә а ҩ.
А ҳ ә ҳ ә а ҩ. Иаа-ууи! Иаа-ууи! Шәабаҟоу, Нарҭаа?!
Шәабаҟоу? (Ашҭа даақәыххуеит. Иблақәа амца рхыланы
дыҟоуп.) Адауцәа, адауцәа ҳақәлеит! Гәында-ԥшӡа дышәҵәахы, Гәында-ԥшӡа! Адау дхыҵны ддәықәлеит дымҵаирсырц. Ҵҩа рымам иҩызцәа. Иршьуа ршьуеит, иаанхо
ахцаны икарцоит. Зцәа зтәым аҳәсақәаҵәҟьа иреигӡом.
Асақәа рӷырҳәаны икарыжьуеит. Ргәы дырхаауеит ҳасабицәа
ржьала! Нарџьхьоу, уаҩԥсы дызмыхәо Нарџьхьоу иоуп!
С а ҭ а н е и Г ә а ш ь а. Сыҷкәынцәа, шәгыл! (Уажәраанӡа
илызцәырҵлоз аҟәымшәышәра, анра-ԥара иацу агәыԥшқара,
зегьы лхашҭны, ҳәаа змам амчра зымпыҵаку ԥҳәысны
лыҽцәырылгоит.) Рыҭрақәа ирҭышәх шәасақәа! Дгьылижәҩани ахьеимадоу иаӡәу сара, сажәа шәазыӡырҩы! Уажәакәын аџьнышқәа шәыриааины шәаныхынҳәыз. Лгәазхара
шәлымбацызт шәан. Еиҭах шәасақәа рыҭра иҭышәхыр акәхеит. Шәарҭ шәеиԥш аеҳәшьа дызмоу, иаса абжаранӡа аҭра
иҭыхны адәы дықәзароуп. Еиқәшәырха Нарҭқыҭ! Дшәыхьча
шәаҳәшьазаҵә Гәында-ԥшӡа! Дабаҟоу Аинар-жьи?
А ҳ ә ҳ ә а ҩ. Санааиуаз дызбон, аҽқәа ршьапқәа рычаԥара
даҿын. Уи ирмазеихьеит шәасақәа.
Н а р ҭ Д ы д. Ҳаҳәшьа, бҩызагьы баргьы ахан ахь шәынхал.
Шәыҟаз шәгәы ҭынчны. Акы шәацәымшәан. Аҳы, шәца.
Г ә ы н д а - ԥ ш ӡ а. Хьыӡла-ԥшала шәхынҳәааит, сашьцәа
дуқәа! Баала, Ханиа.
А и р г ь а а р ҭ ы ԥ ҳ а Х а н и а. Хьыӡла шәхынҳәааит!
Г ә ы н д е и Х а н и е и цоит. Урҭ дрыцны, ахан абарҵахь дхаланы, лыҷкәынцәа-гәазырҳагақәа дырзыԥшуеит Саҭанеи Гәашьагьы.
Нарҭаа рҟамчқәа рҟьоит. Расақәа рыҭрақәа иахьҭарҵо-иахьҭырхуа
ашьҭыбжьқәа гоит. Рҿынархоит.
С а с р ы ҟ ә а (дыԥшын, уаала ҳәа сарҳәоит ҳәа). Сашьцәа,
уаала ҳәа зсашәымҳәозеи? Шәсырԥхашьар ҳәа шәшәома?
Шәара шәеиԥш ахаҵарақәа ҟасымҵацзаргьы...
Н а р ҭ Д ы д (дааҭгылоит, иаҳаз џьашьашәа даахьаԥшуеит, тәамбашақә иқьышә днықәҵаны). Ишԥоуҳәеи уара?
Даҽазнык иҳәеишь уажәраанӡа иуҳәаз?
Н а р ҭ С и ҭ. Сашьцәа, иҳәеит! Ҳа-ҳа-ҳа! Сашьцәа! Иабаҟоу
уара уашьцәа? Ишсоуҳәара, уашьцәа ҳәа аӡәыр дубома
араҟа? (Дыччоит.)
Н а р ҭ С и ҭ - и ԥ а Уахсиҭ. Иумаҳара иҟоузеи? (Иааигәара
днеины, блала деимданы дихәаԥшуа.) Уабатәида уара, узусҭада,
уӡырга-ӡырго иҳашьҭоу?
Н а р ҭ К ә ы н. Ҳара, аишьцәа ара иҟоу ҳаҟоуп, иаанхаз
Нарҭқыҭ аҵыхәан иаҳзыԥшуп. Уаҳа даҽа ешьак дҳамоуп ҳәа
ҳаздыруам.
Н а р ҭ Д ы д. Уаҳԥырҵ, уара анашԥа!
Н а р ҭ С и ҭ - и ԥ а У а х с и ҭ. Нарҭаа дуқәа ираҭәоума,
анашԥа дрыцны хьыӡрацара амҩа ақәлара?
Н а р ҭ Б а ш н ы х ә (егьырҭ Нарҭаа рылымкаа, иаҳа С а ср ы ҟ ә а дидгылоит). Амҩа шәарҭа ҳаԥхьа ишьҭоуп, сашьцәа,
даагап Сасрыҟәагьы. Уигьы џьнышк, ма даук ихы нхисаргьы
шәыздыруам. Ҳара дҳашьоуп, ҳан длыхшеит.
Н а р ҭ Д ы д. Иуҳәо џьасшьоит, аҟәыӷа Башныхә. Ари
дызхылҵыз ҳаб иакәӡам. Унаҵаа-ааҵаақәеишь, дызхылҵыз
ҳәа ирҳәақәо уаҳап. Аԥхьарца ианырҵахьеит.
Н а р ҭ Б а ш н ы х ә. Ииашоуп, ҳаб иакәӡам дызхылҵыз.
Иаб Зырҭыжә иоуп, аха зыӷра дыҭшаз ҳан лакәӡами?
Н а р ҭ К ә ы н. Дцаны дицхьчалааит иаб Зырҭыжә!
Дихылаԥшлааит, ахырҵәы дицәашьыр ҟалоит. (Дыччоит).
Н а р ҭ С и ҭ. Аҩны дыҟаз, ҳәасабаақәак иҟәшәалап.
(Дыччоит.)
Н а р ҭ С и ҭ - и ԥ а У а х с и ҭ (Сасрыҟәа иахь). Аҳәасарҭ
афараҿоуп уара уахьфырхаҵоу. Ҽабаак убжьеит ҳәа, уи
хаҵарам.
Сасрыҟәа ихәаԥшны зегьы еибарччоит. Дҳашҳатәарахазшәа дымҵысӡо дгылоуп Сасрыҟәа. Аҟамчы шьҭыбжьқәа гоит. Аҽышьҭыбжьқәа
ааҩуеит. Агәақьҳәа иҽыжәланы еибашьра ицоит Нарҭаа.
Ажәаҳәаҩ
Зегьы ангылоз иаргьы дгылагәышьеит,
Иҽы ирыцқьеит, икәадырит.
Аха акреицаҳфап ҳәа уаҩы иеимҳәеит,
Дара рҟамчқәа анышьҭырхуаз, иаргьы ишьҭихит,
Ма унеины уҽыжәла ҳәа иарымҳәеит,
Идәықәлеит Нарҭаа агәырқьҳәа рашәа цәырганы,
Аха Сасрыҟәа иԥсы ҭасгьы дрымԥхьаӡеит.
Дара цоит ԥшаласҵас иқәԥрааны,
Дара цоит хьыӡрацара, ахаҵара рылдыршарц,
Сасрыҟәа заҵәык дынхоит инапы игәыҵаԥса,
Амба еиԥш дадырсызшәа дгылоуп ашҭаҿы,
Аҳәарақәа гәархла ҳәа даанрыжьма Сасрыҟәа?!
Ахьажьқәа ршәала ҳәа даанрыжьма Сасрыҟәа?!
Аԥарда
Аҩбатәиасахьа
Актәи асахьаҿы иаабац адекорациа
Ажәаҳәаҩ
Мрада дкаԥхоит,
Мзада дкаҷҷоит,
Саҭанеи Гәашьа.
Шәҩык ахшара лара илыман,
Анацәа насыԥла лара дреиӷьын.
Дарбанзаалак лыҷкәынцәа иреиуоу,
Инапы ихы иаҵаргәа,
Аԥсшьаразы уи данышьҭоу,
Иреиҳау ацгәы аҵыхәа шиашоу
Аҩада ирха, иламырҟәӡакәа,
Иаҵсуан, ибӷа иакьымсӡакәа,
Урҭ рӡара убас ипан,
Рыжәҩахыр, рыгәчама мыцхә иԥҽаҽан,
Улаԥш рцәуӡарын убас еиҿкаан,
Нарҭаа зеикануаз рацәаҩын,
Урҭ зыхдырҟьозгьы рацәан.
Адоуцәа ажәлар ираӷацәан,
Урҭ ирықәлон, еимҵәацәан.
Хаҵагьы ԥҳәысгьы уаажьыфацәан.
Адауцәа ахьақәлоз атәыла,
Малгьы рахәгьы еидцала,
Ԥҳәыс, саби еилацала,
Ихырҵәа икарцон мҩа дула,
Ргәы дырхаарц саби жьыла.
Геи-шьхеи Нарҭаа ирзеиԥшын,
Бзыԥи Ҟәбинеи дара ирӡқәан.
Рыжәҩа еибыҭанаҵ, рымца лашон,
Рыхԥша мацара аӷа дархәашон. (Дцоит.)
А џ ь н ы ш ҭ а к ә а ж ә (дшақәтәац, шьашәы рарбаӷь
дақәтәоуп, амаҭаԥшь ҟамчыс илкуп). Инҵәаша! Инҵәаша!
Ффу-чыффу! Анапсыргәыҵа хәыц ықәу аҳа, шәдаракәац
ыҟамкәа, шәҟьашхароуп Нарҭаа.... Шаҟа исшәиуа, дара
иаҳагьы иҿиоит, иӷәӷәахоит. Уахьынаҵыслак Нарҭаа... Адыгаа
рҿы уцар – Нарҭаа! Ашәуаа рҿы уцар – Нарҭаа! Рыӡбахә ада
ӡбахә ыҟам Нхыҵгьы Аахыҵгьы. Иҟаз маҷызшәа, даҽаӡәы
дгылахт Сасрыҟәа ҳәа. Уик иаабахьоу дреицәоуп. (Лылаԥш
наиқәшәоит, ихы имагәхьха, ицламҳәа инапы аҵаргәа
итәоу Сасрыҟәа.) Аҳаа, абар иаргьы дахьыҟоу! Сишь, илахь
еиқәушәа збоит. Шьашәы рарбаӷь, наҟ уҽыныԥхьакишь! Имаҭаԥшьу сҟамчы, смаӷра унҭалишь. Сҽаарҽеины ихы сҭало,
игәы сҭало, имаӡа исырҳәап. Нас иԥсы ахьҭаҵәҟьоу скып.
Инҵәаша, инҵәаша! (Дхәыцуеит.) Иҟам, исыӡбаз еиӷьу акгьы
ыҟам! Дара-дара рыхәдацәақәа ҵибакааны еибахәыруа
еичырчатәуп. Аџьнышқәа ҳрыхәом, адауцәа бзамыҟәқәагьы
акгьы рылымшеит. (Лҽеиҭакны, лҽырҟәымшәышәны, дхырхәа-хырхәо, зхы зымагәхьха итәоу Сасрыҟәа иахь днеиуеит.)
Иухьзеи, гәыҵхас иумоузеи, арԥыс ԥшӡа? Зира ишьа
иеиԥшымыз, зызҳашьа зҳашьа иеиԥшымыз, уаҩы изымбжьоз
арашь зыбжьаз, Сасрыҟәа иаҭәоума илахь еиқәҵаны
ахәыцра? Ухы уқәыжь узтәоузеи?
С а с р ы ҟ ә а. Бысҭыҳә! Шьашәы бҭарблааит, бабаҟаз
аџьнышқәа ран? Быбз аныхаау иаҳагьы бшәарҭоуп.
А џ ь н ы ш ҭ а к ә а ж ә (аганахь). Имч ада, ахшыҩгьы
имазаап ари. Сидырит убоу. (Сасрыҟәа иахь.) Уара, уины
уанынкашәа инаркны, зыхьӡ-зыԥша агара иалагаз, џьара
акала сухәарц сҭахуп.
С а с р ы ҟ ә а. Бароу? Нарҭаа ҳаӷацәа ран боума абзиа
сабжьызго? Бызласыхәарц быҟоузеи бара? Бысҭыҳә абыржәыҵәҟьа, мамзар, бхы бхысыцҟьаауеит (Иаса аҭра иҭир
ҵәраауеит.) Бахьԥҳәысу бразҟы иаҵанакит, аха аџьнышқәа
ран, дыԥҳәысзаргьы, дыџьнышуп, дышьтәуп!
А џ ь н ы ш ҭ а к ә а ж ә. Аа, сумшьын, сумшьын! Уаса наҟ
унаха! Сара иуасҳәоит уашьцәа уахьраҭәарымшьо зыхҟьо.
С а с р ы ҟ ә а. Иҳәа! Мцык аныбҳәа, абри аса быӷрысҳәоит
(Иаса аԥынҵа ҵарыра лгәаҵәахы иадикылоит.)
А џ ь н ы ш ҭ а к ә а ж ә. Анашԥа ҳәа зуарҳәазеи уашьцәа?
Уара уазхәыцу анашԥа ҳәа зуарҳәаз? Уашьцәа ухыччоит,
ураҭәарымшьеит.
С а с р ы ҟ ә а. Срывагылартә хаҵара ҟасымҵац. Знык
хаҵара дук сзыҟаҵар, ешьас срыԥхьаӡоит.
А џ ь н ы ш ҭ а к ә а ж ә. Уара агаӡа! Шаҟа абзиара ҟауҵо,
иаҳагьы иуаӷацәахоит уашьцәа!
С а с р ы ҟ ә а. Аҩеишьцәа ацәгьа рыбжьазҳәо бара,
аџьнышқәа ран, абри аса бӷырҳәаны!.. (Еиҭах аса лгәаҵәахы
иҵаикуеит.)
А џ ь н ы ш ҭ а к ә а ж ә. Уара агаӡа, уашьцәа анцоз ирҳәаз
цқьа иумаҳаӡеит. Ацаҟьа уалԥҟааны ажьираҿы урӡрыжәызшәа, уашьцәа алалжьарц уан илыӡбаз иашоу џьушьома
уаргьы? Дызусҭада уара уаб? Ирҳәаз умбаӡои уашьцәа?
Хнышь иакәу џьушьозар уаб? Неихаркәа змам, аҭаҳмада
Хнышь... Сара изысурҳәозеи уаб дызусҭоу. Аиаша еилукаарц
уҭахызар, уан улазҵаа. Лырҳәашьас иҟоу сара иуасҳәап.
(Илымҳа дынҭахәыҭхәыҭуеит.) Еилукаау? Иаразнак ала ил
ҳәоит. Баша ухәыцуеит, Сасрыҟәа. Сара ишуасҳәаз иааҟоуҵар, аҟыԥҳәа лымаӡа аалурҳәоит Саҭанеи Гәашьа. Ҳара
даҳгароуп Гәында-ԥшӡа. Сцап, иҟақәоу наиасҳәап Нарџьхьоу. Шәиу-шәит! Абзацәа ԥсны, аԥсцәа гыло аамҭа ҟалахра
иҟоуп. Абан, ихы икәаҽ дахьтәоу Сасрыҟәа, исҳәаз игәаҵәахы
ҿнакааит. Уеиха, шьашәы рарбаӷь! Алалабатә аабараны
ҳаҟоуп уареи сареи. Шәиу-шәит! (Лҟамчы ҟьаны дцоит.)
С а с р ы ҟ ә а (дҩаҵҟьаны). Сан! Бабаҟоу, сан!
С а ҭ а н е и Г ә а ш ь а (аханахьтә, даацәырҵны). Ара
сыҟоуп, уан дукәыхшоуп. (Ахан дылбааны дааиуеит.)
С а с р ы ҟ ә а (ихы дымҩахакәа, ибжьы каҳаны). Сан,
сашьцәа зегьы ықәҵит. Урҭ амҩа иқәлеит хьыӡрацара. Сара
ҩныхьчас снырмыжьзар, сзырымгазеи, иҟалазеи, исыхьзеи?
Исарҳәаз иашоума? Сара сызԥада?
С а ҭ а н е и Г ә а ш ь а. Нарҭаа зегьы шәан сара соуп. Хыс
ишәымоугьы сараӡәк соуп.
С а с р ы ҟ ә а. Издыруеит, аха... Цқьа еилкааны исаҳәа
сашьцәа сызраҭәарымшьаз.
С а ҭ а н е и Г ә а ш ь а. Уан дукәыхшоуп, урҭ уеиҳабацәа
ракәын, уаала ҳәа шԥауарҳәоз. Уашьцәа ахьцоз уаргьы
уцароуп.
Г ә ы н д а - ԥ ш ӡ а (ахан абарҵа даақәгылоит). Иҟалазеи,
сашьцәа реиҵбы, иухьзеи, убжьы цәгьахазшәа саҳаит?
С а с р ы ҟ ә а. Сашьцәа сзырымгаз аиаша здыруазароуп.
Сан, аилаџь сызу, амла сакит. Аилаџь сеилаҳаит.
С а ҭ а н е и Г ә а ш ь а. Уажәыҵәҟьа, уан дукәыхшоуп.
Г ә ы н д а - ԥ ш ӡ а. Сара иузызуеит, сашьа.
С а с р ы ҟ ә а. Ишԥабҳәеи, Гәында? Даҽазнык иҳәеишь
абыржәы ибҳәаз ажәақәа, цқьа исаҳарц сҭахуп.
Г ә ы н д а - ԥ ш ӡ а. Аилаџь сара иузызуеит, сашьа,
сҳәеит...
С а с р ы ҟ ә а. Иҭабуп, Гәында, сашьа ҳәа ахьсабҳәаз.
Баӷацәа баҭабуа иҟасҵап сара. Ҳан лнапала аилаџь уны
исзаалгар сҭахуп.
Саҭанеи Гәашьа аган ҩны дныҩналоит аилаџь лурц.
А и р г ь а а р ҭ ы ԥ ҳ а Х а н и а (Гәында длышьҭаланы
дцәырҵуеит). Гәынхарак умоуп, Сасрыҟәа, иуҳәом акәымзар.
Уашьцәа уахьынрыжьыз угәы иалымсроуп. Урҭ унрыжьит
Гәында улхылаԥшларц азыҳәан.
Г ә ы н д а - ԥ ш ӡ а. Аиргьаа рҭыԥҳаи сареи ажәабжьк
уаҳҳәарц ҳҭахын, сашьа, аха ублақәа ҵархәны, уԥшышьа
злаҟоу ала, уажәы уи аҩыза аҳәара иаамҭам. Иаҳҳәарыма,
сҩыза гәакьа, Ханиа?
А и р г ь а а р ҭ ы ԥ ҳ а Х а н и а. Иаҳҳәаӡом! (Илзымчҳакәа.) Уара угәы зызцаз Ажәеиԥшьаа рҭыԥҳа, ларгьы...
Иаҳҳәарым...
Г ә ы н д а - ԥ ш ӡ а. Иҳәаны балгахите... Уи уамеигәырӷьаӡои, сашьа? Ажәеиԥшьаа рҭыԥҳа лаҵкыс иԥшӡоу,
леиҵкыс иҟәыӷоу дгьыл дықәнамгалаӡац макьана, сашьа!
С а с р ы ҟ ә а. Хаҵас сзыццо дызусҭада, зашьцәа
ираҭәарымшьаз иоума лҳәар, сара иласҳәарызеи? Мап, уи
лымԥан анеира саԥсам.
Г ә ы н д а - ԥ ш ӡ а. Анык ҳлыхшеит ҳазегьы, сара сашьцәа
уреиӷьасымшьозар уреицәасшьом.
А и р г ь а а р ҭ ы ԥ ҳ а Х а н и а. Саргьы сашьцәа реиԥш
узбоит, Сасрыҟәа. Сҩыза гәакьа лашьа саргьы дсашьоуп.
С а с р ы ҟ ә а. Саргьы убас сыбзыҟоуп, Аиргьаа дуқәа
рҭыԥҳа Ханиа.
Г ә ы н д а - ԥ ш ӡ а. Сара зегь реиҳагьы суқәгәыӷуеит.
Уаала, Бзыԥ аԥшаҳәахьы уҳацылбаа.
С а с р ы ҟ ә а. Шәара шәца.
А и р г ь а а р ҭ ы ԥ ҳ а Х а н и а. Ҳхала ҳшәоит.
С а с р ы ҟ ә а. Сара сыԥсы ҭанаҵы аӡәгьы шәицәымшәан.
Г ә ы н д е и Х а н и е и цоит.
С а ҭ а н е и Г ә а ш ь а (аган ҩны даадәылҵуеит). Аилаџь
ааиласыгӡеит, уажәыҵәҟьа иҟалоит.
С а с р ы ҟ ә а. Усҟак амца ахакнаҳара аҭахым. Иааилабыгӡазар, исзааг.
С а ҭ а н е и Г ә а ш ь а (аилаџь лыманы дааиуеит). Бзиа
ишубоз, ирҟәымшәышәны, ашә рацәаны иалаҵаны иузызуит.
С а с р ы ҟ ә а. Сан, бнапала даҽа ашәсақәак сзалабҵар
сҭахуп.
Аилаџь ашә анналалҵо, лнапы даамҵасны, абысҭа цара иналаршьшьны
икуеит.
С а ҭ а н е и Г ә а ш ь а. Аа, сыблит, сыблит! Иоужь снапы,
иҟауҵозеи?
Лыҽлырххоит, аха лнапы рыӷәӷәаны икуп, ишьҭуам.
С а с р ы ҟ ә а. Абыржәыҵәҟьа исабҳәароуп Зырҭыжә иԥа
ҳәа Нарҭаа зысхыччоз? Исабҳәароуп дарбан хаҵоу зшьа
сылоу.

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 25
- Büleklär
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3316Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23490.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3340Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23520.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3345Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22500.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3328Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23160.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3385Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23440.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3340Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23060.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3345Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23680.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3324Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22900.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3285Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22810.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3325Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23080.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3339Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23130.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 12Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3318Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23480.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 13Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3280Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22850.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 14Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3350Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23100.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 15Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3316Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23530.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 16Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3308Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23510.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 17Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3323Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23690.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 18Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3363Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23490.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 19Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3351Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23420.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 20Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3304Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24120.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 21Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3400Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23980.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 22Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3355Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23280.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 23Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3464Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23090.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 24Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 4490Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19500.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 25Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 4507Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19470.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 26Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 4637Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19040.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 27Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3881Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20040.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 28Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3326Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22410.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 29Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3292Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22410.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 30Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3355Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22270.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 31Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3411Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22570.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 32Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3351Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23220.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 33Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3328Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23310.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 34Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3423Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23260.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 35Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3404Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23000.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 36Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 813Unikal süzlärneñ gomumi sanı 6270.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.