Latin

Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 23

Süzlärneñ gomumi sanı 3464
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2309
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
иааирссоит. Имаҿа аҵкыс инеиҳаны, имаҿа инадшәало,
инеиҵаны. Иара, Билал, изиӡахызгьы знык днахәаԥшны
ишәеитоуп. Ишьамхы иқәкны ааҷа ирссоит Аруҭан. Амаҟақәа,
акәадыр азыҳәан амгәырхақәа, агарӡганқәа дырҿуп егьараан дубаргьы. Аҳаԥы аҭӡамцқәа рҿы, уахькыдԥшылалак,
ихәхәа-хәхәаӡа икнаҳауп. Зцәа аадырҳәыз ҳаҭа еилыӷраак,
ҳаҭа хәбабисак иаҩызоуп, убас иаакәыршаны ихҟьоуп

ацәақәа рыла. Амшәқәа, ақәасабқәа, аҩны рахә... Урҭ
зегь рыбаҩ, араҟа икаԥсазар, иҭәрын аҳаԥы. Еицыршьуаз
уиаҟара ахҳәаатәы роуамызт. Хазы-хаз иҭадырхақәаз зегьы,
уахык изладыршаша, мышкы зладырхәлаша ажәабжьқәа
рхырҳәаауан. Ргәы ахшәахьан аишьцәа ишеибырҳәоз. Бил­
ал данрыцла – идырҿыцит. Ахьшьцәа ирыцрырҟьаз ҩны
рахәызар, уи ахьча дышҿабырҳацәыз нацырҵон. Иргеит,
амца еиқәҵаны, ирахә икәаӷӷа дыштәаз. Издыруамызт,
абзамыҟә, иблақәа шыхнакуа амца алашара. Шәарахзар...
усҟан иаҳагьы ихырҽхәаган.
Абӷацамкыра иахьаҿаз, ауаҩԥсы иакәым, ацыӷ знеиуамызт. Ухлахаҵ гьежьрын, иалҟьан иахьҭаҳаз унаԥшыр.
Ачуанқәа, ақәабшьҭ хәыҷқәа, ахмаҷырқәа инадыркны,
еиҿарԥа-еиҿарԥа, еиқәаҵәаӡа ахәышҭаара иахакнаҳау
архнышьна аҟынӡа, аҳаԥаҿы еизгоу зегьы рхатәы ҭоурыхкҭоурыхк рымоуп. Хаала ирызҭаз, уадаҩс ихы рыҭауа зыҽзырххаз, ианицәыргоз дҭахәхәа ацәа иалаз... Урҭ зтәыз
рыӡбахә анырҳәоз, џьоукы ииашаҵәҟьаны урхыччарын,
џьоукы рыцҳаушьарын, даҽа џьоукы... Аха аус злоу, уара
ухаҭа ауаа ушырзыҟоу ауп.
− Аӡынра шаҟа ирласны иаауазеи араҟа, шәышьхақәа рҿы.
Ҳара ҳҟны, агаҿан, макьана амхқәа ҭарымгалаӡаҵ. Ажь ҭаа­ны
иалгазар акәхап, аҵәақәа ҟаԥшь-ҟаԥшьӡа ирҿоуп макьана, –
иҳәеит Билал, зны аҳаԥы ишхәыҵатәаз.
− Игәхьааугазар? – ҽамыршьагала дҵааит Ҭарсхан.
− Иахагьы, уԥхыӡ иалазар ҟаларын, уҟәынд-шәындуашәа,
акы уҳәақәозшәа саҳауан, – иҳәеит Аруҭан. Билал иангьы
зны иалҳәахьан, ԥхыӡла уцәажәоит ҳәа. Арҭ бзианы ицәаанӡа дмыцәалароуп иара.
− Сыԥхыӡ иалазар ԥхашьарам. Шәара абарҭ ашьхақәа
шәрышьцылоуп, сара – акаршәра, амшын агаҿа.
− Абри аус ҳақәымшәазҭгьы, иҟаларын, агаҿаҟа нхара
ҳалбааргьы, – иҳәеит Ҭарсхан.
− Иҟаҳҵоз, уара, агаҿаҟа ҳалбааны? Сара исымбацт, аха,
ирҳәоит, уаҟа баарроуп, арахә аҵәыбзы иагоит, ауаа ашыӡ
рыхьуеит ҳәа. Арахәҵәҟьа урыхәаԥши, ҳара ҳтәқәа рцәа

цырцыруа, рызқәа уқәианы уцәап, дара, арахь ҳашьхақәа
рахь иаарцо, рыбаҩқәа ҩаҩаӡа ирылҳәҳәо, реихадақәа
ирыхҟьашоит. Мап, сара саӡәыкны сыԥсы ҭанаҵы Ҭабзала
салҵуам, – иашьеиҳаб инаимеикит Аруҭан. – Ҳара иаҳзууазеи, ҳара ҳанхара-ҳанҵыра атәы ӡбоуп уажәшьҭа. Рахәыс
иҳамоу – шәарахуп, нхарас Анцәа иаҳзишаз – ҳаԥуп, амала,
аиашазы, длахьыцәгьахеит ҳаҳәшьа Шьазина. Дзықәшәаз
аҵкыс еицәоу дҭагылоуп уажәы. Абз дагоит, лхала аҩны
дахуп. Убри агаҿаҟа дышьҭызар цәгьамызт.
− Лхала џьаргьы даҳзышьҭуам.
− Нас дыҟазааит ус, ҳара усгьы абна алҵшьа ҳамам. Ак
шәасҳәашан, аӡынра ааигәахоит ҳәа ҳаидашшыло ҳтәоуп.
Уиаҟара изацәшәатәузеи аӡынра? Билал араҟа аӡынра ихимгац, иҟалоит ииашаҵәҟьаны дшәар. Аха уара, Ҭарсхан?
Уара иаҳагьы уеигәырӷьоз џьысшьон аӡынра ааира. Аӡынра
шаҟа ицәгьахо – иаҳагьы иаҳзеиӷьуп. Иухашҭма, – иашьеиҳаб иахь дынхьаҳәит Аруҭан, – аԥхынра анааилак акәмыз,
ҳара ҳзыҳәан ианымшымыждахоз? Ҵыԥхтәи аԥхынразы, –
Билал иахь дынхьаҳәит уажәы, – даҽаџьара тәарҭас иҳаман.
Мырзаҟәыл данаҳшь аҽныҵәҟьа убри аҭыԥ ҳазцеит.
− Даара иԥхьаку ҭыԥуп уаҟа. Иарбан закәанзаалак закәанк
ҳҭахым, егьҳадаҳкылом ҳәа Ҭабзалатәқәак абна илалан, акыр
шықәса рҽыԥхьакны иҟан, рыӡбахә уаҳахьоу сыздыруам, –
Аруҭан ииҳәоз инациҵеит Ҭарсхан.
− Исаҳахьеит. Аха урҭ абна илҵит.
− Ааи, илымҵи. Адгьыл шәаҳҭоит, шәынха-шәынҵы,
шәҭаҳкуам, ҳашәԥырхагам ҳәа анрарҳәа, абна илҵит. Исгәалазыршәаз, убарҭ тәарҭас ирыман убри аҭыԥ.
− Убра ҳаҟан ҳҽыҵәахны, – иажәа инациҵеит Аруҭан. –
Аӡәы ҳаинаԥхазар акәхап. Нанҳәа мза аҽааҩнашоны, ҽнак
иҳакәшеит. Ауха шаанӡа иаҳхаҩозаарын. Ашарԥаз еилаҳҵо
ҳҿааҳхеит... Ашьа кашрагьы ҟалеит...
− Шәызларыцәцазеи? – дразҵааит Билал. Иара аус ицызуа
иҩызцәагьы рылан усҟан. Акгьы рылымшакәа ианыхынҳә,
ирҳәақәози уажәы дара рхаҭақәа ирҳәоз ахьынӡеиқәшәо
ибон, насгьы изларыцәцаз аиашаҵәҟьа еиликаауан.

− Маанала ҳрыцәцеит. Руаӡәк дхысуан атапанчақәа
ҩба рыла. Ҳҩыџьегьы уаҟа ҳаҟоу џьыршьон. Усҟан аӡәы
ахылаӷьара иҽаҭаны дцахьан. Ԥыҭк дцахьеит дшәарҭам
анигәахә, ахысра далагеит шәақьк ала. Аӡә даҳшьит ргәахәит дара. Ауапа қьалаҵас иргыланы иҳаман.
− Иҟасҵеит, умҳәои...
− Ааи, сара ауапа қьалаҵас иргыланы, анаҩс ахаҳә сҽавак сахьынӡарылахысуаз, Ҭарсхан иԥсы игеит. Ауапа ус
ишгылаз, ахылаӷьара сазцеит сыԥаны. Иаанхазгьы даҳшьит
ргәахәт дара. Даҽа ԥыҭрак аҟәҟәаҳәа иагәыдырҵон ауапа.
Ргәы андырҭынч, даҳшьит рҳәазар акәхап, инеины ауапажә
аашьҭырхит. Ҳа-ҳа-ҳа! – ихаԥыцқәа аарԥшуа дааччеит
Аруҭан.
− Иаҳҳәап, шәуаӡәк ддырбаандаҩызҭгьы, ма дыршьызҭгьы?..
− Ҳуаӡәык днымхоз! Уи ишьҭуазма рыԥсы ҭаны. Убас
еиԥш ҭыԥқәак ыҟоуп, аӡәы имацара арк дыриааиуеит. Ахраҿы укылатәаны ирылаҵала ахи ахәшәи умҵәаанӡа, ма дара
урылгаанӡа. Шьхылагасгьы шьхыҵрасгьы иҟоу мҩакоуп.
Амхаџьырра иагаанӡа, ҭабзалаа иагьаҩы рабашьыргьы ирыхәомызт. Изла? Амҩа акырҭа рдыруан. Сыԥсы ҭаны, дарбан
хаҵоу сзырбаандаҩуа? Абрагьҩы игәымшәара мацара изхом,
агызмалрагьы илазароуп.
− Ииашоуп ииҳәо, ҳара макьана мааналоуп ҳашрыцәцо.
Ақәыџьма ҳаиԥшыми.... Ақәыџьма уахык бжь-қыҭак еимнарҟьоит, рҳәоит. Қыҭак азымхо џьушьома! Ашьҭа арӡуеи-тоуп.
Ҭабзала иаланхо аӡәгьы дызҳашьҭамзеи зугәахәуа? Акы,
ҳшақәшәаз рбоит, ҩбагьы, Ҭабзалатәык ухахьы уџьымшь
ыҟоуп ҳәа иаҳамҳәац. Узлыҵыз уҳабла, уқыҭа ушԥа­рԥыр­
хагахои! Ухаҵазар, уца, ушьхыҵ алада, Аԥсныҟа, ухыҵ аҩа­
да, аҟарачқәа рахь, ашәуаа рахь. Ҳара макьана Аԥсныҟа
ҳмылбаацт, – иҳәеит Ҭарсхан, нас инациҵеит: – Нхыҵ аҳәса
блахкыгақәагьы ыҟоуп.
− Нхыҵҟа уаҳа ҳцо убарым. Абрагьҩы иԥсра ааины изқәа
ианкыдтәалалак, аҳәса гәхьааиго далагоит. Егьызеиӷьым
ахацәа шаҟаҩы ҭахахьоузеи аԥҳәыс илыхҟьаны. Абрагьҩы

изыҳәан аԥҳәыс ашьацҳәа даҩызоуп, дыџьнышуп. Ишәымбахьеи, аџьыка шафо, иамбаӡакәа арахә ашаха ахадыршәуа?
Убасоуп аԥҳәыс зхы-згәы лызцаз абрагьҩы дышҭахо. Билалгьы жәаха ҽнак аҳәса рыӡбахә цәыриган, еимаҭәаны
дзымҵәуеит, уаҳа акгьы игымхеит. Сыԥсы ҭаны, шәҩыџьегьы
Нхыҵҟа шәымҩа шку жәдыруаз.
− Уеиҵбызар, убз маҷк иааҭакы..
− Уиашоуп, аха исымҳәаргьы ауам. Ҳаҟәыҵып уи алацәажәара. Аӡынра ааигәахоит, ҳзызхәыцша рацәоуп.
− Аҩны амҿы-амца адгалатәуп, арахә аҟашәа рзырхиатәуп.
Қәак ауаанӡа еизгатәуп аҭәа иҳархыз, – иҳәеит Ҭарсхан.
– Улафгьы бзиоуп, аха аӡынра ҳазлаӷыҵсша ҳазхәыцқәар
цәгьам.
− Иҟаҳҵарц иуҭахузеи?
− Ҳафатә рхиатәыми, уажә иубама. Аӡынра ҳанӷыҵало
ишыҟаҳҵац.
− Ари маҷума? – аҳаԥы лаԥшыла иааимидеит Билал.
Ашәхақәа, ашәыршақәа ҟаԥшь-ҟаԥшьӡа икнаҳан. Амцаҿы
идырҩахьан, алҩақ иашәны, ҩба-хԥа ӡынра иуҵәахыргьы,
акгьы амыхьуа ирҩан. Ианшоурахалак, ашша алҵәҵәаны
икаҭәон ажьҵаа. «Шьазина лакәхап ирзыҟазҵаз, ҭӡамцк еивҵарыԥхны икнаҳан аџьанџьыхәақәа. Аҳаҭақәа ҭәын шыла­
ла. Иҟәыкып ҳәа ишәарҭамызт, иҷыҷын. Ԥырхага амамкәа
аԥсабара иазныжьу ауаҩы изыҳәан, игәыԥсыршьаган ари
аҳаԥы барақьаҭ. Абас рхы ныҟәыргозар акәхарын, за­
кәанс иҟаз зегьы ирцәыбналаны абна илаз Ҭабзалатәқәа.
Ирԥырхагамхаз – цәгьара изыруамызт. Уаҳа хацәгашьа
амамызт атәра. Ус абна рҽамардандаз амҳаџьырра иагаз.
Дегьызмаха еимырҵәо ақьаԥҭа иаҩызахаӡомызт ҳазқәыӡыз
ҳадгьыл хәыҷы. Абас игәы дҭахәыцуан Билал аҳаԥы
дахьыҵаԥшуаз, нас ииҳәоз ажәа инациҵеит:
− Ҳара ҳаиԥш егьаҩы ирызхап ари афатә! Сара ныҟәгатәыс
сшәоуит...
− Уара уиаҟара ухьаам. Уџьабаақәагьы ыҟоуп ара. Ҳара
ианаагоз уара аҳаԥы умыхьчоз, – иҳәеит Ҭарсхан. Рыхҩыкгьы
ааибарччеит. Ииашаны иҳәеит, игәра рымгоны акәым, ацар-

ҭа-аарҭақәа ҳара иаадыруеит ҳәа, дара «нашәа-аашәарц»
ианныҵыҵлоз, иара аҳаԥы ихьчаларц дынрыжьлон.
− Аԥсны агаҿа иаҩызам араҟа аӡын. Ианеиҵаха, ԥшьымз
уеизгьы ишьҭоуп асы. Уинахыс ҳџьықәреи шәуа џьушьап.
Ахьшьцәа анышьхныло ҳәоуп аамҭа шыԥхьаӡатәу. Ашылеи
аџьыкеи уеизгьы иҳазхаргалап,– иҳәеит Ҭарсхан.
− Атапанча рҿакра аҭахӡам. Ҳафатә еиԥҟьеит, уахь
ҳнеиуоу, арахь иаҳзаашәҭиуоу ҳәа рзаҳацҳауеит, уаҳа акгьы,
– иҳәеит Аруҭан.
Лафшәа, хәмаршақәшәа акәын Аруҭан ишиҳәоз. Аха
уи иаанарԥшуаз рацәан. Ихы иамхаԥагьахан, ахьшьцәа
имаҵуцәоушәоуп дышцәажәо. Акгьы иеиҳәаӡом иашьеиҳабгьы. Егьизиамҳәозар акәхап. Уамак еиҩыргогьы егьыҟам.
Аиҵбы иаахтны иҳәоит, уиала уигәылаԥшны ибара мариоуп,
уаҳа акгьы. Хышықәса ҵуеит абџьар иныҟәнагоижьҭеи.
Рахәыс, ҽагас ирымоу иароуп. Аԥсра иӡаарԥшыланы, афатәажәтә змырхуа ас еиԥшгьы рыхцәажәара! Баша агәыԥшқара
ҟаиҵоит Билал. Адҵа шимоугьы усоуп, иара ихала ишиӡбуа,
иаҳа ииашаны ишиԥхьаӡо...
Ирласны иӡбатәуп. Афы рыст, иуааԥсы бзиахар ауан.
Дара реиԥшҵәҟьа деиқәных деибыҭоуп иара Билалгьы.
Ихала имч рықәымхоны ибозар, ианиҳәа, ацхыраара
иоуеит агаҿантәи. Ашәҟәы ҩны ииҭап Сҭеԥан, ма Ҭабзалатәи
ақыҭсовет амаӡаныҟәгаҩ Уахсиҭ. Уаҟа ианиҵап ацашьааашьа, аҳаԥы ахьыҟоу рыԥшаартә ахсаала ҭыхны иациҵап.
Усҟан еиҭаҟалахуеит ашьакаҭәара. Арҭ рыԥсы ҭаны рнапы
иҩахом.
− Ахьшьцәа рхала афатә ҳарҭоит ҳәа, ҳшьамхы еиқәыршәны ҳазтәом. Иара усгьы, аҩсҭаа илымҳа џьгәоуп, сынтәа­
тәи аԥхынразы аӡәгьы даҳԥырхагамхазт, зынӡаск аашьара­
ха иҳасит, – иҳәеит Ҭарсхан, ажәцәеимаа ииӡахуаз иртатарц
ирҟәыҷуа. – Аԥсцәаҳа иаара ҿҳәарак амазар есышықәса,
ауаатәыҩса шԥазыԥшуеи? Анцәа иашьапкуеит уи амш мыжда
ирхарарц. Ажәытәан аԥхын ааира убас иазыҟан ҭабзалаа.
Аха амра ҭамшәааит, имшааит, имыхәлааит ҳәа Анцәа уиҳәалар, акыр унаҭома? Аԥсабараҿы ус иаԥуп, ишоит, ихәлоит.
Аӡынра иацааиуан аԥхынра, уи инашьҭарххны ишаҳәша-

ҳәуа иаакылсуан ԥсы зхоу рзыҳәан иԥсеивгагоу аԥхынра.
Ԥсы зхоу, ауаатәыҩса аламҵакәа иуҳәозар. Ауаа рзыҳәа
ашьа агәыдшыла акәын аԥхынра шаауаз. Аҳәса ацәмаақәа
надыркны, ахацәа абџьар аашьҭырхуан. Амҩақәа шаатлак, ар
хыҵны рҿаархон, еибашьрахон. Жәытәнатә аахыс ҳара усгьы
ҳадгьыл ҳахыршьаауеит, ҳахырбаауеит. Уи уаргьы иудыруеит,
Билал. Уажәы ажәлар ирыбаргәузеи! Аԥхынра зыԥсцәаҳахаз
ҳара ҳзоуп акәымзар.
− Алаԥш Анцәа иҳаумыркын. Сынтәатәи аԥхынраз
ҳҭынчуп.
− Сара сымшьҭа бзиан, – иҳәеит Билал, дԥышәырччо.
− Умшьҭа Анцәа ирбзиахааит! Сгәанала, иҟалаз уиоуп,
аилахарақәа рацәахеит. Аҿыцынхаҩ иҩызоуп аамҭа ҿыц
иааиз. Ариаҟара Аԥсны аилыхарақәа иҟоу, ҳара рыцҳақәа
ҳазгәалашәода. Знык-ҩынтә иалагеит ҳаркырц, ианаҳмыхәа,
ргәы ԥҵәар рхала илҵып рҳәазар акәхап, иаҟәыҵит. Ҳара
усгьы зыԥсы ҭаны зхала илҵуа ҳакәӡам. Алҵшьас иҳамоузеи?
Ҳара ҳаб дыԥсит ҳшыхәыҷыз, ҳан рыцҳа иаҳлырҵаз зынӡаск
даҽакын. Аӡәы итәы шәамеилаҳан, аӡәы итәы шәымган
шылҳәоз, лынарцә мҩа днықәлеит. Уажәы иҳаԥсҭазаашьоу
убоит. Ишԥааури, Анцәа иузиуа зегьы бзиоуп. Даҽа мҩакы
ҳақәлеит, ҳамԥсыкәа шьҭахьҟа гьежьышьа ҳамамкәа. Амала,
ииашаҵәҟьаны, уара Билал, умшьҭа бзиан. Уҳацнагалеижьҭеи,
иубоит, аӡәгьы даҳԥырхагамхац. Аӡынра ҳазӷыҵалар – нас
угәы каршәны уцәа. Ҭабзалатәқәак, рымч ҳақәхо џьышьа,
гаӡарак рмыхьуазар, агаҿантә аӡәгьы дзаауам. Мышьҭа
бзиала ушԥаҳаднагалеи! – иҳәеит Ҭарсхан.
− Аринахысгьы аӡәгьы даҳԥырхагахом, убас сымшьҭа
бзиоуп сара. Хаҵа ицо аҭыԥҳацәа, агәашә ианынҭыҵуа
сырԥыларц исыҳәалон, – иҳәеит игәы дҭаччо Билал.
− Ахәмарра-ччара бзиоуп, аха ииашаҵәҟьан ак ӡбатәуп.
Ҳтәашьа башоуп, – иҳәеит Ҭарсхан.
− Убри уҳәар саҳаит. Ахьшьцәа шьхыҵуеит. Ҳаблақәа
шааԥшуа амал ҳавыҩрны ацара иаҿуп, – уи инаицирӷызит
Аруҭан.
Билал идырит урҭ рцәажәара ахы ахьхаз. Ажьҵаа рыманы,
ашәрҩақәа рыла раҳаҭақәа рҭәны, агаҿаҟа илбаауеит

ахьшьцәа. Аԥсҭа иахьҭоу «ирысасыргьы» ирԥырхагоузеи!
Мамзаргьы имҩасны нхыҵҟа ицо џьоукы. Уажәааигәагьы
урҭ роуп зымҩа ркыз. Рыҽқәа аидара иаҵақь амҩа иқәын.
Амаҭәа-ҩыҭәа, афатә, аԥара... Еиҭах уи амҩа ақәлара... Аӡы
иаго ҳәҳәабжьы иаҳауам. Аха уажәшьҭа акы ӡбаны иал­
хтәуп. Итапанча амгәа дынҭаԥшит Билал. Еивҵарыԥх иҭан
апатронақәа. Ари аус ахь ишьапы еихигазар аахыс иароуп
иику. Дамжьацт. Иаргьы иныҟәигоит ахәша ахьшьуа, бааӡарак
ахьмыркьысуа. Аишьцәа дрыхәаԥшуа, итапанча наҟ имаҟахы
инавҵеиҵеит. Уаҵәы акәхап, ма мҩасцәақәак, ма ахьшьцәа
ианырхадырцәо. Уаанӡа... Уаха...
Амра ашьхақәа ишынарывҵалаз, аҩхаақәа, алҩа иашәыз чуанҵас, инҭылашьцааит, нас аԥша иаанагаз наҟәаҵас
ашьхақәагьы инархаҳаит ижәпаӡа. Инахараны, аҩхаа аҵахь
еибарҿыҿуеит амшәқәа, иналаршә-ааларшәны, рыбжьқәа
гәыкӡа еиқәҿырҭуеит акаԥкаԥқәа. Хыхь – ҵа змам ажәҩан
лашьца, ҵаҟа – абнара, ахаҳәра, аҩхаақәа, арҩашқәа, ашьха­қәа рнаҩс ашьхақәа... Шьҭыбжьы цәгьак аҵкыс ианыхьанҭахо
ҟалоит аҭынчра. Даҽа мышқәак ихабар анидмырҳа Аҟәа,
хымԥада, ишьҭарҵоит. Иааицҳауазеи ҳәа днаразҵаауазар
акәхап аиҳабы.
Ашьха ҳаракқәа рханӡа ашьшьыҳәа инавҵит амза.
Иҭҭәааӡа иааԥшуеит. Дымқәацаӡо, иҽырҭынч амшәцәа
дықәиоуп Билал. Иҭахәхәа ацәа иалоуп аишьцәа аҩыџьагьы.
Иахьиоугьы абџьар рыҟәнуп, иҟалап, арҭ ахышықәсагьы,
рҽеилыхны иарҭак иламиацзар. Ашәақьқәа рхы иаҵоуп.
Дааҳәны, инапы ихы иаҵаргәа, акраамҭа дрыхәаԥшуан
Билал. Амза аҳаԥы аҿышәҭа илаԥханы ирықәԥхоит рхырҿқәа. Исашьцәандаз, исҭынхацәандаз зымҳәарыда, зҭәымҭа
иҭагылоу, жәҩахырла арк ирылукааша ахацәарԥар.
Ашьшьыҳәа иӡараҿ имаҟа иавҵаз итапанчахь инапы аҿынаирхеит Билал. Жәҩахырла арк ирылукааша. Насгьы,
рақәшәашьа... Аха иара, Билал ихаҭа? Асыԥса алеира даҵагылар иаҩызоуп уи аҩыза урҭ раҳәара. Шаҟантә шаҟарыла ишәахьоузеи, изахьоузеи! Ҩ-хы заҵәык... Ишыцәоу
инеиқәикуеит. Уи азыҳәан иара ичын иаҳагьы иацлоит...

Дҩагылан аҳаԥы дныҵыҵит. Имаҭәажәқәа ирылсны,
ихьшәашәаӡа ицәеижьы ааимнадеит аԥшахь. Амза шамшамуа иаҳа-иаҳа жәҩангәахьы ихалон. «Ҷҟьыжь-ҷҟьыжь» –
амшын ашәҵла агәаҩара иҭаз ахәыԥшқа. Абжьы аргалон уи
есуаха. Абрагьцәагьы Билалгьы ашьцылахьан. Иҭаҭыныжәга
неиҵеиҵан, ахара далагеит. Иҭахәхәа ацәа иалоуп аишьцәа.
Амза ыҵаԥхоит аҳаԥы аҩныҵҟа. Длеиҩеиуеит, хьаа бааԥсык
згәы иҵалаз диҩызаха.
Аҭыԥ ашә днылагылан, акраамҭа дрыхәаԥшуан. Имаҟа
иавҵаз атапанча ашьхәа иақәкын инапы.
Аҵла амҵахь днеин, ашьыцламшә ақәиааны адгьыл иалҳәҳәоз аԥашә днықәтәеит. Алабыҵә ҩақәа, афархьқәа ааизиган, амца нархьирсит. Алҩақ хәхәаӡа иналалт аҵх. Афархьқәа ақәиԥсеит иҵегь, алашара иахьынӡаинарбоз ишьҭаз
амҿқәа ааганы иақәижьит. Инапқәа изакәызаалак џьара уск
дируларц иҭахызшәа.
− Ҳаи!
− Иҟалазеи?
Ахысыбжь ус иацыҵҟьарым ашәарах. Рабџьарқәа харшаланы аҭыԥ индәылҟьеит аишьцәа.
− Уеилагама, Билал!
− Иҟоуҵозеи, уара?
Билал ҿиҭуам. Иҭаҭынжәга дахоит.
− Аҵхыбжьон амца еиқәҵаны..
− Ҳадуркырц уаҿума?
− Уаргьы ухы уацәымшәаӡои?
− Ихы ицәымӷхеит.
− Зҿумҭуазеи, уара?
− Шәаатәа. Уаҟәыҵ, Аруҭан, амҿқәа ақәумхын амца.
− Иухьзеи, Билал? Амца шԥасмырцәои, ихараны икаҷҷар...
− Аӡәгьы даҳԥырхагахом, шәымшәан, – Билал ҭынч дтәан.
− Ихы еилагеит ари ауаҩ!
− Шәаатәеи, шәаатәа. Ажәак шәаҳәатәыс исымоуп, – иҳәеит
Билал.
− Иабатәи ажәоу?
– Аԥхыӡ бааԥс ибама?
– Ибзианы иуҳәеит. Ииашаҵәҟьаны иудырит, Ҭарсхан.

− Ԥхыӡымш убааит, аха амца ырцәаны аҳаԥахьы ҳаҵалап,
нас шаҟа ԥхыӡ уҭаху ҳәала.
− Алашара, егьа хара икаҷҷаргьы, иаҳԥырхагам. Шәабџьарқәа наҟ рхы шәырха, машәыр руеит. Аԥхыӡ ҳәа ассир
збеит, – дналагеит Билал, аишьцәа аҩыџьагьы еимданы
рыблақәа дырхыԥшыло. – Сахьнықәиаз, ус ԥхыӡ збеит:
дгьыл ԥшӡарак ҳақәланы ҳнеиуеит шәаргьы саргьы. Ҳабла
дук ҳналсит. Иаҳԥылогьы иҳавсуагьы ҿаԥха-ҿаччо аԥсшәа
ҳарҳәоит. Рыҩныҟақәа ҳнарыԥхьоит ҳамҩахыҵырц. Ҳаргьы
џьара ҳнымҩахыҵын, ҵәыцак аанаҳкылоит, нас даҽаџьара
ҳныдгылоит, амшаԥ ныҳәа аҽны ахәыҷқәа аҳабла ишалсуа
еиԥшҵәҟьа. Ҳшәом-ҳарҳауам.
− Уара иушьызгьы, ҳара иаҳшьызгьы рыԥсқәа ҭалахит!
− Ааи, иҳамшьӡазшәа. Ақыҭа ҳалсны ҳашнеиуаз, Ҭарсхан
угәашә ҳанҭалеит. Еибарҩуа иааҳԥылеит ахәыҷқәа. Ашьҭахь
ҳцеит Аруҭан уахь. Уаҟагьы убас.
− Уара уахь ҳамнеиӡеи?
− Иара дхараны дынхон.
− Арҭ ашьхақәа шәанырхыҵло, саргьы сыҩныҟа шәнымҩахыҵлап. Араҟа шәчеиџьыка исфаз ацкы сызур жәбап, –
аԥхыӡ днаҟәыҵын, иахьа-уаҵәы иҟало уск еиԥш ацәажәара
далагеит Билал. – Уажәраанӡа, араҟа ҳшеибабоз аҵкысгьы
еиӷьны, еишьцәаҵас ҳаицыҟалап. Саргьы сабиԥазаҵәуп, сани
саби аҭаца лыла исыргәырӷьап, шәаргьы иахьа аиқәыцәара
иаҿу шәаб ихәышҭаараҿы алҩаҵә ҩашәышьҭып.
− Уара аԥхыӡ иубаз аҳәара уаҿу, мамзаргьы аԥхыӡ
уалоу?
− Дматанеиуеит, ашоура имоуп, рыцҳа!
− Ашоурагьы сымам, ԥхыӡгьы салам. Абри исҳәаз, ҵа­
быргхар шәҭахума?
− Алашә иуҭахузеи ҳәа уиазҵаар, ишԥеиҳәари угәанала?
– иҳәеит аешьеиҳабы.
− Уаҩҵас ак ҳаиҳәоз џьысшьон, егьи дцәамҭхьаны акәзаап
ари дызгылаз. Хыкәалаак ухы иҭадыршәаанӡа, амца ырцәаны,
ушьҭал наҟ унеины. Сара сцеит шьҭалара, – иҳәеит аиҵбы.
− Уаангыл, умыццакын. Ишәҭахума абри ԥхыӡла избаз
ҵабыргхарц?

− Мырзаҟәыл иԥсы ҭоуҵар, иҵабыргымхои!
− Иҟалаз ҟалеит. Ԥхьаҟа ҳхәыцроуп уажәшьҭа, – иҳәеит
Билал.
− Ҳалҵып абна. Уиоума иуҳәарц иуҭаху?
− Ииашоуп, иудырит. Шәылҵ абна, – иҳәеит Билал ибжьы
рҿацаны.
− Уара? Уара абна улазаауама?
− Сара сызхалало ҳәа акгьы сымам...
– Иуҳәо закәи, уара, Билал, ухы еивысма уаха? –
иҳәеит аешьеиҳабы. .
− Сара иуасымҳәеи, ашоура имоуп, дматанеиуеит, рыц-ҳа!
– иҳәеит аиҵбы, нас Билал дкылкааны дихәаԥшуа инациҵеит. – Издыруада, ахыкәалаа гәхьаанагазар ашоура зҭалаз
ухы?
− Сара уаҩ дсымшьит, бнагьы сыламызт...
− Ҳаужьама?
− Шәара шәзыҳәан.
− Иуаашьахазеи ҳара ҳахь?
− Шәара шәзыҳәан сааит!
– Исзеилкаауам, ҳара ҳзыҳәан ишԥа? Ҳбара умҩахыҵма?
– Иудыруазеи дҳаншьазар...
− Сегьшәаншьам, сегьшәаҳәшьаԥам. Аха сааит шәызбарц. Ҳаицуижьҭеи иҵуа жәбоит, иаахтны ҳаицәажәартә
ҳаибадырит.
− Иҳауҳәозеи?
− Шәылҵ абна!
− Уи уара уусс иалоузеи?
– Ахшыҩ ҳирҵоит, рыцҳа!
− Шәылҵ абна!
− Уара, издыруада, ҳурбаандаҩырц уҭахызар?
− Иаахтны иҳәа.
− Шәырбаандаҩрагьы сҭахым, шәышьрагьы сашьҭам.
Сааит ҭынхара шәзызурц. Сара счекиступ.
− Иуасымҳәоз, иҽеиу уаҩым ҳәа. Угыл! – блеихаҟәысрак
иналагӡаны ишәақь ҩхаиршалеит аешьеиҵбы.
− Уаангыл, ишьра ҳахьӡоит.
− Ииашоуп, сышьра шәахьӡоит. Шәгәы ишԥаанаго, сымшьҭа абзиара иахҟьаҵәҟьоушь, сара сшәыцнагалеижьҭеи шәык-

ра уаҩ дахьашьҭамлаз? Шәгәы ишԥаанаго, шәыдсыркырц
сҭахызар, шәахьыҟоу аҭыԥ анызба нахыс ишәықәлартә исзыҟамҵаӡоз? Даҽакгьы. Иҵуазеи ҳаицуижьҭеи! Шәара шәкаххаа
шәаныцәоу, сара смааԥшӡаци? Шәысшьырц сҭахызар, уаха шәаныцәаз шәышьра акраҭахызма! Шәазхәыц! Сара
ишәасҳәо абриоуп: шәылҵ абна. Ииашоуп, ауаҩы дышәшьит.
Аха шәшақәшәаз, иара ишәшьыз ауаҩы дызусҭаз, насгьы,
аҭакәажә аҩны дшалаиблыз, зегьы рдыруеит Аҟәа. Саргьы
смаҵураҟны ԥыҭк сылшартә сыҟоуп. Сшәыцхраап. Шәҭаркышт,
ҳәарада. Аха уамак шәықәырҵом. Шәарԥысра шәышҭагылоу
ишәхыжәгап. Шәаҳәшьа ахьымӡӷ бааԥс дақәшәеит. Лшьа
жәуит. Шәхы еиҭашәҳәап. Саргьы ибзианы шәыздыруеит,
сышәхашшаап. Шәылҵ абна! Шәазхәыц, шәанбанӡалоу?
Ахәра ахәшә ақәумҵар, иаҳа-иаҳа иазҳауа, имжьыжькуа
ицоит. Шаҟа шәылахо, иаҳа-иаҳа шәагәыланахалоит абна.
Усоуп уи шыҟоу. Ацәгьарақәа иҵегь шәамхаҟаҵара шәыҟоуп
шәышнеиуа. Усҟан шәус иаҳа ицәгьахоит.
− Уара ма ухы еилагоуп, мамзаргьы ииашаҵәҟьаны ҳазҭаху аӡә уоуп. Ҳхы аҟара угәра ҳго ҳҟаҵаны... Уаҳшьып ҳәа
умшәаӡои? Изакәызеи уара иугәаӷьыз!
− Имшәо – абзамыҟә иоуп. Шәара шәзыҳәан ацәгьеи абзиеи зҭаху еиҩыжәдыраауеит, избоит. Сызхышәшьаарызеи?
Ишәасҳәаз шәазхәыц. Сара сышьра акәым изызхәыцтәу.
Шәара ишәзеиӷьу шәазхәыц. Шәқыҭан бзиа шәырбоит, ҳаҭыр шәықәырҵоит. Шәымшәо-шәмырҳауа шәнарылагылап.
Ҭарсхан, уара ҳаамҭа ҿыц ушадгылоз, уи азыҳәан иулшоз
шыҟауҵоз бзианы ирдыруеит Аҟәа.Убригьы иазхәыцып.
− Егьа ирызхәыцыргьы, ауаҩы даҳшьит. Ҳдырӡуеит.
Сибраҟа ҳхырҵоит.
− Абахҭа ҳҭаԥсыр аҵкыс, абна ҳалаԥсыр еиӷьуп!
− Ирҳәоит, удырҳәацәоит, иааусуа урыпҟоит ҳәа. Супҟар
аҵкыс, сушьыр еиӷьуп, хьымӡӷыда сыԥсып, – иҳәеит Аруҭан.
− Мап, сыгәра жәга. Аӡәгьы дшәыхькьысуам. Уамак шәҭа­
харым абахҭа. Шәаб игәараҭахь шәхынҳәып. Шәмыццакыкәа, цқьа ишәа-изаны шәазхәыц. Ишәҭахызар, уаҵәы ианаашалак амҩа ҳаицықәлап, мап шәҳәозар, шәыҟаз ԥыҭрак.
Аҿҳәара ҟаҳҵап...

− Уҳашьазар аҟара ухы бзиа иҳарбаны...
− Ухаҵазар, уабџьар шьҭых!
− Уҽынкыл, уара! – иаарымчны иашьеиҵбы днаиқәыцәҟьеит Ҭарсхан. Ажәақәак иҳәарц иҭахын Билал ихы наиқәкны, аха ицәуадаҩын. Иашьагьы иаргьы рзыҳәан акырӡа рыҵаркуан урҭ ажәақәа. Идыруан абыржә ишыӡбахоз
ԥхьаҟатәи рԥеиԥш зегьы. Ҩ-мҩакы ахьеихагылоу инанагаз
ауаҩы диҩызан. Амҩақәа руак – арҭ ахышықәсак ианын,
иалаз, изеиԥшраз зегьы ԥыршәахьан. Ишәарҭазаргьы, ишырҭаху ршьапы иақәиҭын. Аха уи ауаҩытәыҩса изыҳәан ишоу
хақәиҭрамызт, ус еиԥш ахақәиҭра зҭаху ашәарах роуп, агыгшәыг роуп. Егьи, аҩбатәи амҩа, иара изыҳәан иаҳа еилкаамыз мҩан. Џьара, ихшыҩ аарла инаӡартә, инахараны,
ицәырҟьа-цәырасуа ацәаара днахьыԥшуеит, хышықәса уажәаԥхьа дзызхәыцқәоз рахь дкылнагарашәа ибоит. Иара, Ҭарсхан, иашьагьы иаҳәшьагьы дызлареиҳабыз ала, абыржәы
ииҳәо ажәа, иара иԥсҭазаараз мацара акәымкәа, урҭ аҩыџьа
рзыҳәангьы шаҟа аҵанакуаз, шаҟа ӡбахоз идыруан. Ас еиԥш
иҟоу аус ӡбатәыс иқәымшәацызт бзанҵык. Дааизар аџьа збоз,
ауӷә зқәыз ицәеижь акәын. Иаргьы ибаҩ дацәымаашьацызт.
Аха ихшыҩ!.. Ас еиԥш аидара хьанҭа иаҵамлацызт ихшыҩ.
Аӡыблара далаҳаны дыргьежьуа дамоушәа акәын зегьы
еилагьежьыхынҳәуа ишизеилалаз. Илазҵаатәуп Шьазина. Уи
илҳәо иазхәыцтәуп. Ихала днартәаны диацәажәап иашьеиҵбы. Уигьы ииҳәо шәатәуп-изатәуп. Иара ихаҭа? Иара ихаҭа
изыҳәан иӡбны далгахьеит. Иршьыз ауаҩ иҟаиҵаз дагеит.
Ишьрада даҽакала хҿыхшьа имамызт. Уажәшьҭа даргьы иҟарҵаз азыҳәан рықәнага иақәшәароуп. Иаха, еибаршӡаны
ианеицәажәоз, Билал ишьраҵәҟьа ианақәырк: «Сара санышәшьоуп изхарам дызшьыз иеиԥш шәаныԥхьаӡахо. Мышкызны абахҭа шәанҭашәалакгьы, ашьаус зшәықәшәо убри
азыҳәан акәхоит. Уажәраанӡатәи шәус уиаҟара ицәгьам,
уи даҽакалоуп ишахәаԥшуа. Азакәан иҟанаҵашаз шәара
иҟашәҵеит, уаҳа акгьы!» – иҳәеит. Ҳалаижьарц, убри ала абна
ҳалигарц иҳәазар? Ауаҩы ишьра адагьы, иҟаҳҵахьоу маҷума?
Уиаҟара ҳарххо, иҳазҵаауа, ҳагәхьаа зкыда. Илаҳгәыдҵаны

иааҳалгоит. Уажәы ауаҩы ишьра мариахеит. Аха абнагьы
ҳанбанӡалоу?
Аиҿаԥшра рцәуадаҩын. Ирласцәаны адәы иқәлеит ашара.
Даҽа ԥыҭрак илашьцазар, даҽа ԥыҭрак досу ихы дазынхон.
Иҟан лашара дукгьы. Уи алашара зыцрыҵуаз иакәын цәымӷшақә изхәаԥшуаз аишьцәа. Аӡы иамухуа уицәымыӷхоит,
уҿаԥшраҵәҟьагьы иҭахым азныказы, аха нас? Иара, аӡы иагаз дамызхызгьы, деиқәзырхаз игәахы изыԥжәоит, ишьара
дықәлаанӡа.
Иааԥсазшәа, ицәыш-цәышӡа ажәҩан икыдхалаз аеҵәақәа, ԥсшьара ицозшәа, ажәҩан рҽагәыҵарӡуа рҽырҵәахуан.
Акрааҵуан амҿқәа еилабылны иҿыцәеижьҭеи аҳаԥы аԥхьа
еиқәыз амца. Амза иақәшон. Аблақәа ҭыгга, ашьхақәа инархык, амраҭашәарахьтә иааԥшуан. «Гәшәиу-гәшәиу!» – рымшын, ашьхақәа еигәнырыҩны изырҿыхоз акаԥкаԥқәа.
Дҩагылан, агаҿаҟа даанаԥшит Билал. Ажәҩан ҵыӡәӡәааӡа
ицқьан. Ршәақьқәа рыварс, ргәышԥқәа џьаԥҳаныла ицырцыруа, аҳаԥы аҿышәҭаҿы итәан аишьцәа.
Аӡәгьы ҿиҭуам. Уаҳа ажәак ҳәатәыс имам иара Билалгьы.
Шьыжьнаҵы ддәықәлар, ашьха ахыҵырҭаҿынӡа днеип уаха. Ибзианы игәалашәоит, арахь данаауаз иҩыза Мураҭи
иареи ахьыԥхьаз. Уажәгьы уаҟа дыԥхьап. «Рымариа шуоулак – урылга» – Мураҭ иажәақәа ааигәалашәеит уажәы
Билал. «Урылга!» Ахәышҭаара арцәара мариоуп, алҩаҵә
аҩашьҭроуп ицәгьоу акәымзар. Хәышҭаарак еиқәзырхаз,
уа-ҳа ҟаимҵаӡаргьы, убриак изхоит. Зажәа еижьо уаам арҭ.
Ирҳәаз – ҳәоуп. Аҩнынӡа дзынаӡандаз, мши-ҵхи еилых
ҟамҵа, иарҭа татак днылаианы, изхара дыцәарын. Ашҭа
данынҭалалак, хынтә дикәшап иан. Ԥыҭраамҭак дынханы
даныхынҳәлак, ус ҟалҵоит. Уажәаҟара днымхацызт. Лара
леиԥш, иаргьы илаӷырӡ нхаҟәҟәалар ҟалап уажәы. Хара
дгылан, игәырӷьара нкыло, днеизыԥшып иаб. Ажәақәак роуп
усгьы еимырдо. «Уманшәалахама?» – днаиазҵаап, шәарыца­
ра дыҟаз џьушьап. Иҷкәын дааԥышәырччан, ихы наирҵысыр,
уаҳа иҭахӡам, нас, игәырӷьара ихала иҽеиҭарц, дизыгәдуны
дизаӷьуа, абаҳчахь иҿынеихоит. Абрахь данаауаз еиԥшҵәҟьа,
деиқәных иҽеибиҭеит. Иааимҩатәны дныдгылар, бзиала ҳәа

леиҳәап Шьазина. Уиадагьы, дазырхәыцны, лхы иҭагаланы
илеиҳәақәаша рацәоуп. Дыԥҳәыс еилыххоуп. Еилылкаап
лашьцәа еиқәзырхо абнаршәыреи аҳаԥқәеи шракәым. Дрыцны днеиааит, илҭахызаргьы. Рус далатәан дазыӡырҩып. Лара лыԥсҭазаара зҿаҟәаз ауаҩгьы ихы-иҵыхәа цқьа илаҳап
уаҟа. Абарҭқәа зегьы леиҳәап. Ацәажәара илшар. Убасҟак
даркареит, ашәақьымца аилаҵара аҵкыс еицәаз «аибашьра». Блеихаҟәысрак игәы мыҭрысыр изхоит ашәақь иаҵхо.
Ари шаҟаамҭа!.. Шықәсык аҵкыс еиҳаз иахатәи аҵх!..
− Унаскьазгап, – иҳәеит Ҭарсхан, Аруҭан ҿиҭуамызт.
− Егьоурым. Схала сцоит.
− Уаангыл. Аԥаҭхь бзиақәа рылҵуеит уҳәалон абарҭ
аб тәыҩақәа. Иумаз, ига уахьцо. Амса баауам, иԥсуам,
иугәаланаршәо рацәахап, – аҳаԥы аҩныҵҟа хаҳә еиҟәыԥԥараҿы иавҵаркьакьаз аб тәыҩа дуқәа ҩба ааиган, Билал
инаииркит Ҭарсхан.
Аԥаҩқәа кҿыӡәӡәаан, аӡышьҭра ҭӷәыхаа ианарыцқьа,
ашьҭыбжьгьы иаҳа ирҭынч, ӡыхьҵас ицқьаӡа илеиуан Ҭабза­
ла ақыҭа иагәылсуа Бзыԥ аӡиас.
1970

АД РА М А
ЕС-ИИУА ИРЫЦИУА
Ф-хәҭаки ф-сахьаки змоу адрама.
Жәлар рҳәамҭа амотивқәа рыла
Иалоу ауаа:
Саҭанеи Гәашьа
Нарҭ Сасрыҟәа
Аи н а р-ж ьи
Ажәаҳәаҩ
Аџьныш ҭакәажә
Гә ы нд а-ԥ ш ӡа
X а н и а–А и р г ь а а р ҭ ы ԥ ҳ а
Е л д ы з Ш ь а р у а н – Нарҭаа раншьа
А ж ә е и ԥ ш ь а а р ҭ ы ԥ ҳ а – Сасрыҟәа иԥҳәыс
Аҳәҳәаҩ
Нарҭ Дыд
Нарҭ Сиҭ
Н а р ҭ С и ҭ-и ԥ а У а х с и ҭ
Нарҭ Башныхә
Нарҭ Кәын
Нарҭ Қьеҭуан
Ажәлар рыбжьы
АКТӘИ АХӘҬА
Актәи асахьа
Аԥарда анаатлак, инахараны ашьха ҳаракӡақәа ҳарҿаԥшуеит. Илбааны
иааскьоит аиқәара аазхыҩло ахәаџақәа. Қәацә ҩнқәак аабоит, қыҭак
ҳалаԥшуеит. Нарҭаа рган ҩны ду еихҳәа-еиҵҳәа игылоуп.Хаҳәтә гәарала
икәыршоуп. Инаскьаганы, иҳаракны, анаара иаласоушәа иаҿаҟаҵоуп
ахан хьыҵәцара. Асцена аганахьала даацәырҵуеит зықәрахь инеихьоу,
аԥсуа маҭәала деилаҳәаны, алабашьа зку Ажәаҳәаҩ, илабашьа нарсны, хәыцрала, иккаӡа иҭацәу Нарҭаа рынхара дахәаԥшуеит, иажәа
дналагоит.

Ажәаҳәаҩ
Анкьа зны иҟан уаа нырҳақәак,
Урҭ ирышьҭан Нарҭаа дуқәа ҳәа.
Нарҭаа аԥсацәан. Аԥсны инхон,
Ԥшралеи сахьалеи мыцхәы еиҿкаан,
Аӡә дубар, аӡә духашҭуан,
Дара зегьы анкы илхылҵыз ракәын,
Рыжәҩахырқәа мыцхәы иԥҽаҽан,
Улаԥш рцәуӡарын, мыцхәы еиҿкаан.
Нарҭаа ыҟан, рҳәоит, аишьцәа шәҩык
Урҭ дрыман еиҳәшьа заҵәык.
Нарҭаа рынхара хаҳәла икәыршан,
Иахьагьы иҩашьом, уамашәа ишан,
Урҭ ирыкәыршаз ахаҳә гәара,
Иҭыҿҿа-ҭыҿҿа ианын аҩыра.
Аиаша иашьҭан Нарҭаа зегьы.
Дахьдырхәуан ацәгьа, иахьиниалак,
Еигӡара изыруамызт, дызусҭзаалак,
Нарҭаа уаҩышьас убас ирыман:
Ацәгьа иҿы урҭ цәгьан,
Абзиа иҿы урҭ бзиан.
Аду дрықәшәар, урҭ дуун,
Ахәыҷы иниар, урҭ хәыҷқәан.
Дасу ирнаало ажәа рҿан.
Раҳәшьа заҵә леиԥш акәын ишырбоз Нарҭқыҭ,
Дшырыхьчоз еиԥш раҳәшьа, ирыхьчон иаргьы.
Нарҭқыҭи Гәындеи ирышьҭаз рацәан,
Адоуцәеи аџьнышқәеи дара ираӷацәан.
Рыжәҩа еибыҭанаҵ, рымца лашон,
Рхыԥша мацара аӷа дархәашон!
Нарҭаа рынхарҭа днықәыԥш-аақәыԥшны дцоит. А и н а р - ж ь и и
С а ҭ а н е и Г ә а ш ь е и еицны иааиуеит. Нарҭаа ран, зҿаҳәатәы ҟало,
амчра зегьы зымпыҵаку аԥҳәыс, гәыҵха хьанҭак лымоуп. Аинар-жьи
диҳәо аҟынӡа лхы лалырҟәуеит. Аҵла амҵан иааҭгылоит.

А и н а р - ж ь и (длымҵаныҳәошәоуп ишиҳәо). Ахьышьаргәыҵа Саҭанеи Гәашьа, дунеи лашара зыхьӡ-зыԥша ахыҵәахьоу Нарҭаа дуқәа ран, бара бымаӡа аҵәахышьа идыруеит
Аинар-жьи. Бара бгәы рмаҷны банцәажәа, ргәахы ҭӡыӡаап
ашьха ԥагьақәеи амшын ҵаулеи. Бара адунеи иқәу аҳәсақәа зегьы реиҳа бгәырӷьалартә быҟоуп. Акыр баргәамҵзар,
Аинар-жьи имахәҿеи ихшыҩ хәыҷи дреигӡом, ижьаҳәа мазеиуп, иԥсынгьыри еиқәхаԥс игылоуп, иаӷа шьашәы рымца
аҿыдыдуеит. Ибҭаххазеи, бызсыԥхьазеи?
С а ҭ а н е и Г ә а ш ь а (илҳәо аӡәыр иаҳарымашь ҳәа
днаԥшы-ааԥшуеит. Имаӡаны, аха мчылагьы ишидылҵо удырыртә илҳәоит). Сгәы ҭынчым, аҟәыӷа ду, Аинар-жьи, сгәы
ҭынчым! (Иаҳа лыбжьы рхәыҷны.) Ԥхыӡла убас избеит, абарҭ
ахра дуқәа еилаҳаны, ихәашхәаша исықәҳауазшәа. О, мап,
сыҷкәынцәа мчымхарак иақәшәар ҳәа сшәом. Урҭ ԥырхага
роуам, сҳәатәы иахымԥо, сыбла рыхнаҵы. Хьыӡрацара амҩа
ианықәлоз, адоуҳа рзыҟасҵеит. Уи иахьчоит.
А и н а р - ж ь и. Иаҳа-иаҳа иӡбахә ӷәӷәаны иго далагеит
Нарџьхьоу...
С а ҭ а н е и Г ә а ш ь а. Уи аџьныш дзышьҭоу сара амчра
сымпыҵхроуп! Мап! Адунеи еиқәыбгап акәымзар, дҟалом
даҽа уаҩԥсык, сара сажәа аҵкыс зажәа иаԥхылнадо!
(Лыбжьы нкаҳаны.) Рыхынҳәра сахыццакуеит сыҷкәынцәа,
арахь иаарҳәагьы сшәоит, ишԥарасҳәо...
А и н а р - ж ь и. Хьыӡрацара ицаны, макьаназы хьӡыдаԥшада ихнымҳәыц. О, изакә насыԥузеи иамоу Нарҭқыҭ, убарҭ
реиԥш аҵеицәа ахьазгылаз!
С а ҭ а н е и Г ә а ш ь а. Нашанала издыруеит, хьыӡрацара
иахьцаз, хьыӡ ду рыманы ишыхынҳәуа, аха сара...
А и н а р - ж ь и. Аиааира ганы быҷкәынцәа рыхынҳәра
аҵкыс еиҳау гәазырҳага абаҟоу? Нарҭаа дуқәа хьыӡ рыманы
ихынҳәуеит, Аинар-жьигьы ишихәҭоу дырԥылап. Ԥшьынҩажәи зеижә ҽы ирықәнагахаша аҽеимаақәа сырмазеироуп.
Аџыр ҽеимаақәа рыла рыҽқәа ршьапқәа учаԥаргьы, ныҟәа­
рак азыҳәан ада уаҳа ирызхом. Афрангь асақәа ахәыц еиҩырҵәо идуркыргьы, рыбжаҩык расақәа, иахьеибашьуа, раӷацәа
ирылаԥыҵәҵәаны, иҿаԥха-ҿаччо иаагәарлоит. Аха Нарҭаа

дуқәа дрымоуп Аинар-жьи! Аҽқәа аҽеимаақәа рыҵыҟьҟьалааит Нарҭқыҭ аӷацәа ԥхаҵаны иахьнарцо, расақәа цагәлааит,
иԥыҵәҵәалааит адоуцәеи аџьнышқәеи рыхқәа ахьхырссо,
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 24
  • Büleklär
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3316
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2349
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3340
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2352
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3345
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2250
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3328
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2316
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3385
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2344
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3340
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2306
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3345
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2368
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3324
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2290
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3285
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2281
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3325
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2308
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3339
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2313
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3318
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2348
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3280
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2285
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3350
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2310
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3316
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2353
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3308
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2351
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3323
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2369
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3363
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2349
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 19
    Süzlärneñ gomumi sanı 3351
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2342
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 20
    Süzlärneñ gomumi sanı 3304
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2412
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 21
    Süzlärneñ gomumi sanı 3400
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2398
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 22
    Süzlärneñ gomumi sanı 3355
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2328
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 23
    Süzlärneñ gomumi sanı 3464
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2309
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 24
    Süzlärneñ gomumi sanı 4490
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1950
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 25
    Süzlärneñ gomumi sanı 4507
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1947
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 26
    Süzlärneñ gomumi sanı 4637
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1904
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 27
    Süzlärneñ gomumi sanı 3881
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2004
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 28
    Süzlärneñ gomumi sanı 3326
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2241
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 29
    Süzlärneñ gomumi sanı 3292
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2241
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 30
    Süzlärneñ gomumi sanı 3355
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2227
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 31
    Süzlärneñ gomumi sanı 3411
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2257
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 32
    Süzlärneñ gomumi sanı 3351
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2322
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 33
    Süzlärneñ gomumi sanı 3328
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2331
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 34
    Süzlärneñ gomumi sanı 3423
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2326
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 35
    Süzlärneñ gomumi sanı 3404
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2300
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 36
    Süzlärneñ gomumi sanı 813
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 627