Latin

Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 20

Süzlärneñ gomumi sanı 3304
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2412
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
− Уааишьа злазбо ала, ажәабжь ҿыцк ҳзааугазар ҟалап,
Ҭарсхан. Абарҭ еизаны иубо зегьы, Уахсиҭи сареи ҳагәра
шугауеиԥш, зыгәра угаша уаауп, – иҳәеит Сҭеԥан.
− Ус анакәха, шәеицәажәара саԥырхагахеит, аха саазцаз
шәзыргәырӷьаша усуп, ишәасҳәап. Ианызбаз, ҳахьеицәажәаз,
исацәажәаз зегьы шыҟалаз зышәҭахузеи! Иаахыҵыр ҳқыҭа
иналало, ар ааны итәоуп Дау ашьха амҵан.
− Ирҭахузеи?
− Иаазгазеи?
– Иҳабашьырц иаауама?
− Шәаангыл, аҳәаха ишәҭ.
− Иҳақәларц иаало ар иреиуам урҭ. Иаауеит ахақәиҭра
ҳзааргарц! – иҳәеит Ҭарсхан.
− Нестор иааишьҭит, хымԥада, Нестор иааишьҭит! – иҳәеит
ибжьы неиҵыхны Уахсиҭ.
− Ҳанзырхо уааума? Уаҩҵас иҳаҳәа, дад, Ҭарсхан, –
ҿааиҭит Мардасоу.
− Сышәзаарышьҭит. Ҷыдала шәыхьӡ рҳәеит Сҭеԥани
Уах­сиҭи. Изықәгәыӷуа ауаа ирарҳәааит, уаҵәы ашарԥаз
рабџьар шьҭыхны иқәгылааит, иҳәеит реиҳабы, нас ҳаргьы
ҳалалоит ақыҭа, ажәлар ирыларҳәааит ахақәиҭра шрызнааго,
иаҳԥырхагахазгьы ҳшимеигӡо идыруазааит, рҳәеит.
− Абар ақыҭа зрыцқьо ахьааз.
− Сахьшәыхәо акрыҟазар, саргьы сыхиоуп, – лҳәеит
Шьазина.
− Баргьы бахьхәарҭоу ҟалап. Бахьааз бзианы иҟабҵеит.
Ҳахшыҩ неилаҵаны цқьа ҳазхәыцып, иаашар иҟаҳҵаша,
иаауша, – иҳәеит Уахсиҭ. Шьазина лышҟагьы даанаԥшит.
Абарҵаҿы абжьы гон агитара.
Амра ҭашәеит. Алашьцара ақыҭа иахатәаанӡа, ашьхақәа
иҩарывҵит амза хьшәашәа ҭҭәааӡа. Алашбыжьқәа алыҩауан
ақыҭа. Ажәқәагьы џьара иҟаауан. Ԥаса аасҭа ашьҭыбжь
цәгьан асыԥса ҵшәаауа зӡышьҭра зрыцқьоз Бзыԥ.
Ахымш рыҽны...
Аҭауад Ҟазылбақь, уи идгылоз, ақыҭа иҭәны иалаз апапцәа,
адикәанцәа, аменшевикцәа, ажәакала, ахыҵәахра азыҳәан
Аԥсны агаҿантәи ибналан иааны, зҽыԥхьакны Ҭабзала иҟаз
зегьы еидцала, ашьха ихца иқәырцахьан. Даанханы дыҟан
Мырзаҟәыл. Уи баагәараҵас дақәгәыӷуан ари ақыҭа, аха ар
шалалаз аниаҳа, идырит шәақьымцала рԥылара шхыдараз.
Идгылодаз араҟа? Закәанк иахымхәыцӡо абна илаз абрагь­
цәа, уаанӡа ирацәажәахьазар акәхарын, ар ирыдгыланы
нхыҵҟа ицоз рымҩа ркит. Иабаихәоз ақыҭан аӡәык-ҩыџьак
иара итәқәа иаанхаз. Иара иԥишәахьан, ибзианы идыруан
изакә мчыз ашьха ихыҵыз. Араҟа аҵкьысгьы адгылаҩцәа
иман ихатә қыҭан, аха башахеит, акгьы рылымшеит.
Егьа иҳәаргьы, абрахьгьы ишьҭаланы иаап ҳәа дгәыӷуамызт. «Уажәраанӡагьы иахырымҳәацкәа, аиҳабыра рымпыҵахаланы изланхазеи? Иахызҳәода, рҭыԥ иқәызҵода, абзацәа
ԥсит. Шаҟа рыҿҳәара кьаҿхазеи жәаа шьықәсазы. Ҩынҩажәа
мшы заҵәык Аԥсны абжак рымпыҵахаланы ирыман. Ашьҭахь
ашьацқьа иалҵыз ҳшьа кәапеишәа иаҳтеит. Амыцхә инха­цәеит
уажәы! Амцхәӡа инхацәеит. Даҽа ԥыҭк ианынха, иҵадырбгоит
Аԥсны. Аа, абар, арахьгьы иааит ашьхақәа ирхыҵны...» Ақыҭа
ишалалаз аниаҳаҵәҟьа, Мырзаҟәыл, амаҵуар иԥхадырсыз
қәыџьмаҵас, дыҿҟьаса иҿынеихеит Ҟазылбакь инхара
шыҟаз. Дцон уи уахь, ԥсеиқәырхарҭак еиԥш дақәгәыӷуа.
Убасҟак игәаҿы агәаӷ еилашуан, иԥсы ҭаҷкәымшәа аҽраҵәа
иааины игәы икылахон. Даазықәшәаз зегьы зхароу аӡәыкҩыџьак налкааны идыруазҭгьы, амца қьоуқьад иалаибылрын.
Ижьышон иблақәа. Аҳҭынраҿы дахьнеизгьы, амцаԥшь рыжәлазшәа, еилагьежьран, ҳәҳәаран, ҟааран. Аҳкәажә хымаԥсыма ашәындыҟәра иҭалгәеит лымаҭәақәа. Илымԥыхьа­шәоз
лышәхалгәон, ианылгәамԥхалак, наҟ илыршәуан илшәхԥаа.
Аҳҭныҳәсахәыҷқәа иҟарҵара иақәымшәо илывагьежьуан,
раҳцәа ар ҳақәлоит, ҳаршьуеит анырҳәа, даргьы аланакуаз
џьышьа, рылабжышқәа рыкәаашон. Иара, Ҟазылбақь ихаҭа,

азныказ дыбналарц, ашьхақәа иҽрымеидарц иақәикит.
Аҟәынақәа раӡынԥсараха изыркәадырит иҽы, аха убри
аамҭазы дхынҳәны дааит ԥшыхәра иишьҭыз ақьаҳиа. Уи
излеиҳәаз ала, нхыҵгьы-аахыҵгьы амҩақәа ркхьан. Ҭабзала,
уеизгьы, неирҭас иамоу урҭ аҩ-мҩа заҵәык ракәын. Ихаҿы
иааигеит абрагьцәа рымҩа ҳәа зыӡбахә рҳәо даҽа мҩакы.
Уи амҩа Риҵа ахахьы ишыҟоу икылсуеит, нас агаҿаҟа ацара
мариан. Уахьынтәи амшын ԥсеиқәырхагас изыҟаларын,
дцарын аҳәаанхыҵҟа. Далҵып наҟ. Аха абрагьцәа рымҩа
аҽы заҿысуам, иара шьапыла Риҵанӡагьы дызнеиуам. Арҭ
зегьы анеидихәыцла, иԥсы илшәшәеит Ҟазылбақь.
Мырзаҟәыл имаҟа иавҵаз атапанча ҭарс икны, аҳҭынра
даныныҩнашыла, Ҟазылбакь ацәарҭаӷәы дықәжьын имгәа­цәа
ҳаи-ҳаиуа, қьаҳиацәак аӡы иҿархәхәо, еилаҩ-еиласуа ихан.
Башан, зхаҭа аҵааҟәрылара иаҿыз Мырзаҟәыл дабаихәоз.
Идгылашаз, ицхраашаз ауаа дрышьҭан дыҿҟьаса. Аха
дзықәгәыӷшаз аӡәгьы димбеит. Ақьаԥҭахьы деиҭахынҳәит
ихы икәажь. «Аӡеибафара зҽалазыжьыз, днахәлабга дцоит.
Уажәазы уаҩ дахәом ари иҟалаз. Аҳәахәдеиԥш абжьаӡра –
бзамыҟәроуп. Иааԥштәуп маҷк аҟара. Иааиқәтәақәап. Ас
мацара ицарым. Ирбахра иҟоуп ижьаны иҳажәырҵаз анхацәа
дара рхала рхы шықәырхыз. Адунеи Анцәа ишазар аахыс
аӡәы ихьыхь даҽаӡәы дгылан, аӡәы имаҵ даҽаӡәы иуан. Ҳара
ҳамаҵ аура иҭыҵзар, даҽа џьоукы рхәура иҭалап, ашәиккақәа.
Иахьхәышт, аха убри амш аҟынӡа анеироуп аус злоу. Хыдарала иныҟәеит аӷба зҽақәыжьны амшын нырцәҟа ицаз.
Аҭырқәа иара амла дагоит, уара уныҟәиго дыҟоума! Аус злоу
абраҟа аԥшроуп, абраҟа ашьацҳәа уҽаҿамыршәкәа аԥшра.
Уи ԥсыхәас иамоузеи? Ираҳәатәузеи, идырбатәузеи?»
Чуанқәак, саанқәак еидигалаз кыдҟьо, ихала дцәажәо
дыҩнан ақьаԥҭа иқәхаз аџьаргәал ҩны. Абаџьар хыб алҩақ
«агәаҵәа» иалсны убасҟак иашәхьан, лаҳәа мҵәыжәҩа дук
ахарԥаз џьушьарын. Аҭуан ҵыдмыршәшәеижьҭеи иҵуаз
здырхуада, алҩаққәа шьашьалха, ихәхәа-хәхәаӡа икнаҳан...
Ауахәақәа цәны, еихасаны иҟаҵан аҭӡамцқәа. Имаҵуцәагьы
ираҭәашьаны иҩналомызт иаҳҭынраҿы акәызҭгьы. Араҟа уи

ада хыԥхьакырҭа имамызт Мырзаҟәыл. Амшәцәа ахәы алпып
ицо иқәыршәын ацәарҭаӷәы. Убри акәын иарҭас имаӡазгьы.
Аҳәынаԥкәа ианкылырҵәа, аҭәа зҭыҳәҳәоз амарҭак, ихы
иаҵаҵаны дықәиеит. Иаарласны акы ӡбатәын. Аҭакәажә
илиҭаз аԥара баша аӡы иналаиԥсеит. Дабацеи лара Хьыса?
Лыцқәа ҵыжәжәараӡа, лыхцәы аҵарақәа алаԥхьазшәа, еиларбыҭәны, абниҵәҟьа лнапы ианԥшылаз дшыбзаз дымԥси. Уара
нхаҩ ҭыԥҳак лҟны ухы анноуга, иахьуҳәо унапаҿы дыҟоуп
ҳәа схы дынҭалан, сылжьеит, сылҟаҭәеит. Дхынҳәит ахәгьыаҿгьы сықәылмырԥшит ҳәа. Лыбзиабара сеиланагаӡошәа
лзысыцҳаит. Дазымааир дабацоз Шьазина, лыргәыбзыӷха,
лацәажәаха аамҭа змада акәымзар.
Шьазина шаҟа длызхәыцуаз, иаҳагьы деиланаго игәы
дыҵалон. Дызларылиаазеи абни леиԥш ассир! Аҳкәажә!
Анцәахша! Лцәа ҟәымшәышә нхаҩык дахькьысььр, ишәытаха иаанхалап. Данухәаԥшлак, афы усызшәа, ухы иаркны ушьапанынӡа унеилууаа уцоит, убасҟак игәыкуп лыблақәа. Аӡбаараҿы ашәҭ ҭиаауеит ҳәа, дабарылиааи, ани
леиԥш ассир. Мап, сара сыбла шааԥшуа уи аӡәы иҩнаҭа
даныҩнагыла, ииашаҵәҟьаны, исзыхгом. Сызлацәажәақәо
закәызеи! Сара – лдухь афҩы лаҳалаҳауа, аҳкәажә Ҳанифа
лҽансгәыдлыршәылалак, мҩа харак сымоушәа, аҽыҵга
ԥшааны илԥырҵуаз, – уажәы лҟаԥҟаԥқәа дырҭаԥало, арахә
руацфҩы зхышәшәо анхаҩы шьап ԥаҟьа иԥҳа лоума сгәы
зызцаз! Анхаҩы иԥҳа... Уаанҿас! Абри цқьа иазхәыцтәуп.
Издыруада, абраҟа иҵәахызар сара сеиқәзырхо џьара акы?
Иҟалоит ауаҩы ҭәиц хәыҷӡакгьы акы ианихәо. Аамҭала,
ԥсеивгарак ҟалаанӡа... Нас? Нас, абри ақьаԥҭажә лара
илымазааит. Ибзианы схы иҭашәеит. Забџьар шьҭыхны
иқәгылаз дрылан лашьеиҳаб Ҭарсхан, егьи, аиҵбы Аруҭангьы, ирҳәоит, арԥыс еибагак иоуп ҳәа. Дара наџьнатә аахыс
араатәқәоуп. Раншьцәа, риеишьара, рҭынхара... Анхацәа
сцәымӷындаз, уацәас схы рылазгалозма, сҳәап. Ԥсеивгагас исзыҟалап уажәазы. Ишԥазури? Сыԥсадгьыл кажьны
сзықәымҵит. Уажәазы... Алыцәҳа реибафара иаҩызоуп
уажәык. Знык, сыкра иашьҭоу сыцрыӡааны, аамҭа маҷк

исызгар, нас... Имԥсыша аџьма амаҵә азылаҟәуеит ҳәа,
ибзианы дысгәалашәеит Шьазина. Уи лыда ԥсеиқәырхаҩ
дсымам. Уаҩҵас илзымҳәазар акәхап илзынасышьҭыз
аҭакәажә. Сыԥшра, ссахьа, сыжәла ду... Ԥҳәысс дызгозар
уаҳа илҭахузеи! Иахьаҵәҟьа дыԥшааны сара схаҭаҵәҟьа
слацәажәароуп.
Аамҭа шьҭахьҟа игьежьны, шықәсқәак уажәаԥхьа дшыҟаз
деиҭааҟалазшәа аҟара ихы иҭашәаз деигәырӷьеит Мырзаҟәыл. Игәиҽанӡамкәа, дахьымгәыӷӡоз аҭыԥ аҿы ашәарах зылаԥш иҵашәаз ашәарыцаҩ диҩызахеит. Ашырҳәа
дҩаҵҟьан, акалҭқәа хьыжә-кәыжәӡа иуапа наишәхаирԥеит.
Иныҟәигон ауапа иара ус, ҽыхҩагас. Иаԥхьа иааимҟьаны
унеигәыдԥшылар, ублақәа хкрын, убас иуҿаԥхон икәымжәы
иҭаԥсаз акаламқәа, иаԥсуа маҟа па иақәыԥсаз аҟәынақәа,
иҟама араӡынҭра. Акәмызцәа рыхьшьуа иҵегь ирцырцырит
изиацк ԥынҵа хәхәақәа. Итапанча апатрон ҿыцқәа лҭеиҵан,
дласӡа, дцеит дындәылҟьаны.
Шьыбжь агәы инхыҳәҳәахьан. Анаҟа-араҟа ашәшьырақәа
рҿы, рыгәқәа каршә ижаҳәо игылан арахә. Инахараны џьара
еибаркьыркьыруан қьаф уа, зхы иақәиҭны адәы иқәыз аҽқәа. Иҽыԥхьакуа аҳабла далсны дышнеиуаз, аџьаргәал
еихажьны иҟаҵаз аандак днавалеит Мырзаҟәыл. Алакациа
ҵәҩанқәа шәпа-шәпаӡа, иаанда акышьала мацарагьы иубон нхаҩы бзиак шиакәу араҟа инхо. «Дынхап-дынҵып,
уаҳа хьаас имоузеи. Ҟазылбақь идгьыл иахьықәынхо, рырахә ахьықәҳәуа азыҳәан, ашықәсан зны ажьыӡ ҳәа рахәабаақәак наирҭон, убриоуп ирызхымгаз. Ишныҟәиго аабап
уажәы рқыҭа сҭаршынс иарҭаз анхаҩы шьап ԥаҟьа. Ҳара
ҳауп ишынеибаку зегь зхароу, ҳара ҳхы иазаҳамуз аӡәгьы
иаҳзимуит. Иҳахшоз ааӡатәыс ирыҭо, ҩызара ҳцозар, иҳац­
ҽыжәаҳҵо, ҳхы иқәҳартәан, аа, уажәы иаҳзыруз. Ауӷәоуп
ацәура зыбжьо, ауӷә! Мамзар, ақьаф анҭалалак, атәыҩа
лауӷырҳәа ушьны улканажьуеит. Иумбои, акыр даԥсоушәа,
иҽырԥагьа дгыланы дшынаԥшы-ааԥшуа ани. Имхырҭа шаҟа
ыҟоу гәеиҭозар акәхап... Уеигәышә аҿы ҟьаҟьаӡа! Убри

ҟьала, убри. Убриоуп шәара шәаниуаз ишәыциз! Ажәлар
рхагылара шәара ишәусым. Шәахьзымҩамӡо шәшьапы
кыд­шәыргылеит. Аашьышь анцәыцәлак, абгахәыҷы акырц
идәықәлоит...» Дҟәынд-ҟәындуа, ԥсӡык иаҳазшәа, дыҿҟьаса,
аҳабла агәарабжьара дыбжьысны, аҭакәажә лынхара шыҟаз
днеиуан Мырзаҟәыл.
Ашҭа аҵыхәан иҵыҵуаз аӡыхь азааигәара ирхьархьаруа
ачуан аӡәӡәара даҿын Хьыса. Лхала лакәын уажәы аҩны
иҟаз. Мырзаҟәыл ашаца-шацаҳәа ашҭа дықәсны днеин дна­
лыдгылт, аԥсшәа аҳәахагьы лымҭакәа:
− Хьыса, сбыҳәарц сыбзааит, – иҳәеит. Шаҟа датәамбакәа
длацәажәоз иҳәашьа ианыԥшуан.
− Уабасзаанагеи, саҳ, иухьша сара сагааит? – лҳәеит Хьыса. Гәахәа дус иҟалҵеит аҭакәажә, Мырзаҟәыл иеиԥш иҟоу
арԥыс лара длыҳәарц дахьнеиз. Арҭ ахымшк ҭауади-аамсҭеи
уаҳа иҟалом ҳәа акы рҳәақәоит ақыҭан. Ҟазылбақьгьы
дықәганы дыргеит. Урҭқәа лдыруеит, аха башоуп зегьы. Уи
дахганы дыргазар, даахуеит даҽаӡәы. Ҭауади-аамсҭеи ажәлар
ахы рырҭаларц, дара тәаны рымаҵ џьоукы ируларц ишеит
зегьы зшаз, уажәшьҭа уара уаҿагылар иулшозеи!
− Сызбыҳәац азыҳәан сеиҭабзааит, – иҳәеит Мырзаҟәыл.
Акәапеи ду ахәы хәхәаӡа, алакар ианҵәрааны иааиуаз аӡыхь
инаҵеикын, дӡышо иҭыркәкәаны ижәит.
− Уааи, нан, аҩныҟа, какалк ноусыркып, нас ҳалацәажәап
уусгьы.
− Мап, сыццакуеит. Акыр бсыхәауоу, бысмыхәауоу? Аа,
бысҭ, абри бџьабааԥсоуп, – еиқәырчаҟәа иџьыба аԥарақәа
ааҭиган, хԥаҟа цыра аалхны, еидыџьгәала лыԥраҳәа аџьыба
инҭаиџьгәеит.
− Иаҭахым, хьи-хьи-хьи, иаҭахым!
− Сус сзыҟабҵар, хәдацәанӡа ахьы баласыртәоит...
− Узсыҳәацоуп нас уззааиз?
– Ааи, ааи, убри... Лара, Шьазина...
− Уаҟа акгьы сылшом. Сыламыс сзыҟьашьуам, усҭ уԥарақәа. Ԥасагьы изумсхыз, акыр сзыҟаҵоз џьысшьаноуп, –
аԥарақәа лџьыба иааҭыхны иналырххеит.

− Уахь бџьыба иҭаҵа, уахь. Иҵегь бҭахызар ибысҭоит. Ԥаса
ишбасҳәаз акәым. Иара ус, џьара ҳаиқәшәартә иҟаҵа, сара
сҿала слацәажәоит.
– Уи ҟаҵашьас иамоузеи? – иара иаҵкыс лхы дазҵааит
Хьыса, аԥарақәа наҟ лџьыба иҭаҵо.
– Дахьыҟоу ԥшаатәуп.
– Лыԥшаара мариоуп, лацәажәароуп ицәгьоу акәымзар.
Лыԥшаара... Лыԥшаара... Ҭалҳәыз аҳаблаҿы лаб иуа ӡӷабк
хаҵа дцоит иаарласны, убрахь днабжьыслоит.
– Иабыкәу? Дабанабжьыслои?
– Ҭалҳәыз аҳабла ҳәа иашьҭоуп Бзыԥ ацҳаҵәры уанықәслак нырцә.
– Уаҟа дабашәанхои зыҟны днеиуа?
– Уаҩҵас улацәажәозар, иуасҳәоит.
− Ауаҩы зыда ԥсҭазаара имам дышԥалацәажәари бара
бтәала?
− Ааи, аха лымҵарсра иақәкны уҟазар, иуасҳәаӡом. Ҳқы­
ҭаҿы лараӡәзаҵәык лоуп сара уаҩԥсыс сызшьо, нанду ҳәа
саҳәо, срыцҳазшьо..
− Ааи, ааи, уаҩ қьиак лоуп... Иакәым ажәак лазҳәаз, Анцәа
ихаҭагьы ианаижьрым.
− Уи бзианы иуҳәеит, ухаҵкы сцеит. Агәра згоит, гәыкала
ушылзыҟаҵәҟьоу. Ацҳа унықәсны уахьынаҿало, уамак унаскьом. Раԥхьа уназыдгыло аҩноуп. Схы сеигӡом, слацәажәон
сцаны, аха башоуп, илуам. Ахәылԥаз, аҩныҟа даныхынҳәуа...
− Дхынҳәру аҩныҟа?
− Есуаха аҩны дыҟоуп. Џьара даангылар луӡом лан.
− Ибзиоуп, уи зеиӷьаҟамоуп! – ишьҭахьҟа даақәҵәиаан,
дыццакы-ццакуа иҿынеихеит.
− Данымҵаурс, мамзаргьы ишакәым уанлызныҟәа, шәиԥхьыӡ шугсмырхо удыруаз, – инаишьҭалҳәеит Хьыса.
− Бышәиԥхьыӡ бхы иҭашәаны, баманы ицо Анцәа исир­
бааит! Аччиа хша! – аӷьеҩҳәа агәашә нкыдижьлеит Мыр­
заҟәыл, аҭакәажә илмаҳартә дҟәынд-ҟәындуа.
Аҵх лашьцара аҽалакны инеиуа ақәыџьма, рахәык абжьы
алымҳа инҭасыр, ишааҭгыло еиԥш, иаалырҟьаны дааҭгылан,

илымҳа кыдҵа днаӡырҩит. Ашьхақәа гачамкны ирзыӡырҩуеит уҳәарын, убас игәытҟәагаха аҳабла иалыҩны игон
ашәаҳәабжь. Ус ҟазшьас ирыман Ҭабзала ақыҭан, ашәарыцаҩ
ажәеиԥшьаа ддырманшәалар – шәаҳәаран, аарҩара бааԥс
ҟаланы, ӡиуоу илашьапкуазар – шәаҳәаран, ауаҩы дыхәны
дышьҭазар – ашәа хьаа хҽыган. Убри акәӡан жәытәнатә
аахыс гәҭыха ҳәагас ирымаз. Ҩыџьа-хҩы анааиқәшәо,
шьхеи каршәреи шәаҳәабжьыла иаадырлахҿыхуеит. Изыхҟьаз здыруада, уажәгьы, рымхы заа иҟалазшәа, рашәаҳәабжь иамҽханакит ақыҭа. «Ҭауади-аамсҭеи ргәыҵырхын,
ирымшаԥшараханоуп ишыҟоу ари амчыбжьык. Амшә иакыз
иргәыбзыӷуан, уаҳа ишԥаҟаиҵоз. Зашҭа сҭоу рашәа ры­
цысҳәошәа ҟасҵароуп. Шьазина... Убри лыда арҭ рылалашьа
ыҟам, аихатә гәара рыкәыршаноуп ишеибарку».
Ашәаҳәабжь ахьгоз ихы ақәкны днеиуан. Агәашә ааигәара иҽааникылан, аӡәы дибар иҭахымкәа, даахьаԥшкәаԥшны, ашҭа дынҭаԥшит. Аџьтә ҟауарла ихыбны иҭагылан
аԥсуа кәасқьа. Уи абарҵаҿы еикәшаны итәан аҷкәынцәа,
аӡӷабцәа рацәаҩны. Аӡәы лшьамхы иқәкны, лнацәкьарақәа
аҿархәмаруа агитара алырҳәон, егьырҭ уи иацшәаҳәон.
Акәасқьа иавагылаз аԥацха ашш икылԥхон агәгәаҳәа еиқәыз амца алашара. Ижьҵаазу, иҿыцшьыразу, кәацкгьы
афҩы иԥынҵа инҭасит Мырзаҟәыл. Игәҭакқәа шырацәазгьы,
уаҩҵас акыршимфац, амла дшакуа игәаларшәо, иҿыҵа аӡы
аанагеит уи афҩыхаа. Изымгәырӷьозеи, аӡы шыцәаз ирымбеи анхацәа. Уаҩы ицәшәом, ицәыԥхашьом. Аҽнышьыбжьон
шәаҳәароуп, кәашароуп изҿу. «Адгьыл алабахагьы амоуцт
ҳара ҳшьа икаҭәаз, арахь уԥшыр, дара..» Иԥсахы ԥыжәжәо
дынкажьцәан, аҿар ахьышәаҳәоз абарҵахь цқьа днаԥшызар,
абар дахьыҟоу лара. Илуацәазар акәхап, иаҳа аԥшәымас лхы
лыԥхьаӡоит. Афырџьанқәа асаан ианыргыланы, шҭоԥк ауатка лкуп. Аԥацха аҟнытә акәасқьахь дынхалеит. Арыжәтәгьы
рызҭалҭәоит, ашәагьы рыцылҳәоит. «Аԥшра-асахьа азыҳәан
усгьы дрылҷҷаауеит, аха ашәаҳәарагьы лылазаап. Шаҟарыла
аԥсабара дагәаԥханы дашазеи! Анхаҩы ишьа лыламызҭгьы,
иарбан ҭауад ҩнаҭаз илмырԥшӡарыз. Дхахоит, дықәҵоит,

дӡахуеит, уныҟәылгоит, уара ухы уамыхәо уиазаргьы ҳәа, шаҟа
рыла длырҽхәара лыздыруам аҭакәажә Хьыса. Знык уаҩҵас
лацәажәарҭа соур, ани арыцҳа илҩызцәам зхы ҭысҟьахьоу.
Нхаҩ ҭыԥҳак лакәым, аҳкәажә Ҳаниф акыр лыҽлырххеит,
аха ашьҭахь лнапқәа сыхәда инакәшеит. Исхашҭӡом анхацәа
рҟазшьа: иргәыбзыӷны рхы-ргәы ааушьышьыр, нас ушьапқәа
неиҵыхны рыхәда уқәтәаз. Уажәы изыдгылаз ҳара ҳаҵкыс
ирыжьжьеит азыҳәаноуп изрыццаз. Аригьы уамаӡак лакәу­
шәа лырбаны дыжьжьатәуп, дыргәыбзыӷтәуп азнык азыҳәан.
Илеиҽырбогьы аӡәы дыҟазар акәхап, ларгьы лгәы џьара аӡәы
изымцацкәа дҟаларым. Илҭахызаргьы, Бзыԥ аӡы лҽалҭартә
диҿхагахозааит. Ма сара дыстәхароуп, мамзаргьы...»
Амҩа аҭшәарраҿы иҽыԥхьакны дыԥшын Мырзаҟәыл. Сҭе­
ԥан, Уахсиҭ, аҭаҳмада Мардасоу рыҽқәа рыҵаҽырбо ақыҭа
иналс-аалслон. Џьара рылаԥш наиқәшәар, ишьҭахьҵәҟьа бна
еилачыроуп, шьаҿақәак днеиҭаԥар, бжьасҵас дцап днылапҟа.
Ирмуӡакәан Ҟазылбақь ишизыруз еиԥш, ддырбаандаҩырц
иалагар, аӡәык, ҩыџьак ахы цаҳә-цаҳә ргәаҵа аирблып.
Ашыцламшә рхьыссы, иаԥхьа игылаз ашыцқәа днарыхааарыхо аӡәыр даауазар гәеиҭарц амҩа данԥшылон. Амра
аҭашәара акыр агын макьана, аха араҟа, Ҭабзала ақыҭан, уи
заа аҽаҵәахуеит ашьха ҳаракқәа инарывҵаланы. Ажәҩангьы
ахәашьра иалагеит, агаҿантәи ибба-ббаӡа иаауан аԥсҭҳәа­қәа,
зны аԥша еимбӷьыжәаа иацҟьон, нас еизцо инеиланацалон.
Амш цәгьахааит, еимаҳаны илашьцааит аҭахызаргьы. Егьараан Шьазина дмааргьы, дылзыԥшырц иӡбеит Мырзаҟәыл.
Аха иара дшацәшәоз аҟара аԥшра иқәымшәеит.
Цәыкьанаҵ, лҩызцәа ааныжьны, дыццакы-ццакуа аҩныҟа
даауан Шьазина. Архәара дшаавҵыҵәҟьаз, илаԥш лықәшәеит.
Ҵкы ҵаӷак, баҳҭ-баҳҭ иақәыԥсаны, лцәа иадшәаҟьала илшәуп, лыхәда иакәырша, аҿацәқәа лкуп лкасы еицарса.
Иабалдыруеи илызхоу, дкылкааны илыхәаԥшуа аблақәа шаҟа
иблаҟыблаҵәо. Егьарааны данысхьеит ари амҩа. Абӷаџьма
ахра иацәшәараҳа, дшәом-дырҳауам. Дызлыҵыз лашьцәа,
рыбжьы ашьхақәа ирныруа ашәаҳәара, акәашара иаҿуп.
Ларгьы гәыла-ԥсыла уахь дрылазар акәхап, лыбжьы ныҵак­

ны ашәа лҳәоит амҩа дахьану. Иара ишҟа дааскьацыԥхьаӡа,
игәы аисра иацло, раԥхьаӡа зыԥсыхаара дылԥыларц инеиуа
арԥыс иеиԥш, деиларӡыӡо цәаныррак наилсит Мырзаҟәыл.
Илеиҳәаша, лаҳәашьа дақәымшәар ҳәагьы даацәшәеит. Аха
урҭкәа зегьы бзиабара дук иахылҵыз ракәмызт. Ус еиԥш иҟоу
ацәанырра дамҽханакуеит ашәарах ацәаара збаз ашәарыцаҩ.
Иԥсҭыхгоу ишәақь изаҿамкуа ицәцар ҳәа дшәоит, адықдықҳәа еисуеит игәы.
Иҽыԥхьакны ашыцра дахьылатәаз даалҵын, лаԥхьа
амҩа днангылеит, иӡара еиҩаҳаҳа, ихҭарԥа еиқәаҵәа илахь
иҭажьны. Шьазина уи данигәыдԥшылаҵәҟьа, лылаԥш нақәшәеит икәымжәы акаламқәа реиқәаҵәарахьала иаарҳәны
иш­ҭаз. Џьара гәырҩак дақәымшәакәан дыҟам аалгәахәт. Абри
ашьҭахьоуп лымацара абраҟа, ааигәа-сигәа уаҩ дахьнымхо
амҩа ҭшәарраҿы абри ауаҩ дахьылԥылаз анылцәымӷха.
Илбац аблақәа... Мшқәак уажәаԥхьа, иаапкны ақыҭа иалалаз
ала аныршьыз аҽны... Ус иԥшышьа, ибла знык ихыԥшылаз
акраамҭа ихашҭуамызт. «Сашьцәа џьара аӡәы ҳимбандаз,
ҭыӡшәак рылибахыр ҟалоит. Уажәы аҩыџьагьы аҩны иҟоуп,
цәыкьанаҵ срымбар исышьҭалоит...»
− Мшыбзиа, аԥшӡа блахкыга! – иҳәеит Мырзаҟәыл,
ччаԥшь хаарашәагь иқьышә акы нықәлеит. Излаилшо ала,
иҽынкыла-ҽынкыло, ирԥшқаны длацәажәароуп. Иамуӡар,
илеиҳәап лара лыда ԥсҭазаара шимам, аха ихамышҭыроуп
иара ашьацқьа дшалҵыз, ишакәым ихы лаимырҟәыроуп.
− Бзиара убааит! – лҳәеит ԥхашьарак лхы-лҿы инықәлан
Шьазина. Днаивсны дцарц лҿыналхеит, аха лаԥхьа днагылан:
− Баамыццакын иҟалозар, ажәақәак басҳәарц сҭахуп.
Бахьыҟаз аҭакәажә Хьыса исалҳәан, абра сыбзыԥшуп иахьантәарак, – иҳәеит Мырзаҟәыл.
− Издыруеит иуҳәо! Аҩныҟа сыццакуеит.
− Иршьуагьы ажәак ирҭоит, сыгәҭыха аҳәаха сыҭ.
− Иуасымҳәеи, исоуҳәарц иуҭаху здыруеит ҳәа. Хьыса
исалҳәеит...
− Сара сыгәҭыха схаҭа сҿала цқьа исызҳәом, даҽаӡәы
лҿала акәым.

− Егьа ирԥшӡаны иуҳәаргьы, аҵакы акоуп.
− Шьазина, бцәажәашьала, бгәы сзынхоушәа збоит. Сыхьӡала ибацәажәаз аҭакәажә иакәым акыр балҳәазар, саҭамзааит. Сара схаҭа сбацәажәарц сҭахын, аха џьаргьы
бсымбеит.
− Уи ажәа хәахәа салымҳәеит. Уаӷа дуаминауаҭхааит.
− Сара исылшаҵәҟьом уаҳа. Схы схашҭуа аҟынӡа снеит.
Банызба аҽны инаркны, сыцәа ыӡит, сгәы аҭыԥ иқәҟьеит.
− Сара сакәхарушь гәҭыхас иумаӡоу? – лыблақәа ыргызмалшәа дааԥышәырччеит Шьазина.
− Адыд-мацәыс срыхәхааит, бара быда даҽаӡәы сгәы
лызцахьазар..
− Даҽаӡәы лакәым сара сызҿу. Иаҳҳәап, даҽа усқәак.
Аԥҳәыс лыда ус имамкәан дыҟоума ахаҵа, еиҳаракгьы асҟак
аиҭакрақәа анымҩаԥысуа аамҭазы?
− Анҭ, ҳара ҳазҭахым брылоума баргьы? Ҳара ҳәа сызҿу,
ҭауади-аамсҭеи ҳауп.
− Уи еиԥш иҟоу аусқәа рҿы сара исылшозеи, аха сашьцәа
срыцхраауеит изласылшо ала.
– Шьазина, аӡы ахьышьҭрахь игьежьуеит. Бара аԥсҭазаара
бзиа боуеит сара сҿы. Иббалап, иаарласны агаҿаҟа ҳалбаауеит, уа иҟоуп сара сқыҭа, сыжәлар, смаҵуцәа. Бара
бнапаҵаҟа иҟалоит зегьы.
− Уеизгьы-уеизгьы снапаҵаҟа аӡәы дҟаландаз ҳәа
хәыцырҭас исымам. Угәы иалымсын.
− Аԥсҭазаара бзиа иазымхәыцуада? Бара сааигәа баныҟамла, сара сзыҳәан илашьцеит адунеи.
− Сара исҳәацоуп исҳәо, – лҳәеит Шьазина. Убасҟан лыбла
даахгылеит лхәыцра иалаз – барфын хҭарԥа... Иҟалазеи,
илахь еиқәушәа лбоит. Уск аҿы еиҵахара ззымдыруа, игәы
изырхьзеи? Убри, иара дшыҟаҵәҟьаз акырӡа иацҵаны, аԥшреи, асахьеи, иҟазшьа ссири зегьы иҭо, лара лхы-лгәаҿы
илшаз дышизхәыцуаз, мчык лыханы диднагозшәа, Мырзаҟәыл днаивсны, лымҩахь лҿыналхеит.
− Ус бҵыхәа сҿаҟьаны бымцан, саргьы суаҩуп. Ҳацәажәара
шәаҭәашәымшьо аҟынӡа шәԥагьахахьоума анхацәа? – иҳәан,
дналыхьӡаны, лмахәар нҭарс даахьаирԥшит.

– Дасу ихьаа далацәажәоит акәымзар, сара ухылҵшьҭра
акәмызт сзызхәыцыз, – лҳәан, лмахәар ашьшьыҳәа инаимпыҵылхит.
− Сыԥшра-ссахьоума ибзышьҭымкааз?
− Ухаҭагьы иудыруеит уи аҟны уқәлак ишьҭахь ушымгыло.
− Нас, исыхьзеи, Шьазина? Снапы бықәыргыланы бныҟәызгоит. Бымцан сныжьны! Сыԥсы бнапы иануп... Шьазина,
адунеи лашара бмырлашьцан. Сара ибҭахызар, абыржәы,
бара ибҳәар, аа, абар, бҿаԥхьа сшьамхы арсны сгылоит.
Амала, бара бнапы сыҭ, бнапы... сыԥсҭазаара, бара быда
ԥсҭа­заарам! – иԥсы аҿыхразы Анцәа димҵаныҳәозшәа,
иаалырҟьаны аԥҳәызба лаԥхьа ишьамхы наирсын, инапқәа
ҵыс-ҵысуа, лнапы аанкыланы агәӡра далагеит. Шьазина
иҟалҵара дақәымшәо дшанхеит, гәыҭҟьаракгьы налылсын
дамҽханакит. Азхәыцха лмоуӡакәа, лнапы иара ахала ихҭарԥа шьышьуа, ихахәда инахьысит, нас, амца иахькьысызшәа,
ашырҳәа днахеит. Илзымдырӡо џьара аӡәы ихәҭам, иаҭәам
уск дақәшәар дышрыцҳалшьареиԥш, абри ауаҩ ишҟагьы
илызцәырҵит рыцҳашьарак. Мҩасҩык ибар ҳәа дацәшәаны
даанаԥшит амҩахьгьы. Аӡәы имбондаз... Аӡәы рышьҭыбжь
имаҳандаз... Абри мацара рызхоит абызҳәацәа... Ииҳәоз
лзеилмырго дматанеиуан Мырзаҟәыл. Аҵааҟәрылара дшаҿу
ақды зымԥыхьашәаз ауаҩы диеиԥшын уажәы уи.
− Иҟаумҵан! Ус ҟаумҵан! Угыл, угыл, – лымшын Шьазина.
Длыргыларц дҩаихеит ижәҩа кны.
Аларқача ихьны инаихыԥсаазшәа, маҷк дааҭынчхан,
ииҳәо-ииуа цқьа дазхәыцыртә ишьара данықәла, ишьамхы
арсны дышгылаз, ихы ҩышьҭыхны дналыҵаԥшит дшамшамуа ихагылаз аԥҳәызба. Иара, ашьацқьа иалҵыз, зышькыл акырҭа роур анхацәа насыԥс иршьоз, иара, аԥсшәа
анреиҳәоз иаҭәашьаны нхаҩык инапы имзымхуаз, уажәы
убарҭ ршьа иалҵыз лҿаԥхьа ишьамхы арсны дышгылоу,
уи шаҟа дланарҟәуа, ицәа ԥнаҽуа зегьы неидихәыцлеит
абырсааҭк. Аматанеира зхыз иблақәа убри абырсааҭк азы
рҽеиҭаркит. Урҭ данырхыԥшылаҵәҟьа, лыбжьы лызҭымкаауа,

агәыҭҟьара дамҽханакит Шьазина. Лнапы наимпыҵжәаны
аҩ­ра, лыԥсы ааивганы ацхырааразы аҳәҳәара, акы лмаӡеит.
Блеихаҟәысрак иалагӡаны, изнапык лыцламҳәа инадгәаланы инеихаирӷәӷәеит, егьи инапы лӡара иакәыршаны даашьҭикәыцәааит...
Аҳауа ԥхарра иалаӡҩон игәахы рхьшәашәагаха игоз
аԥҳәызба лгәынқьыбжьы. Лыбжьы лызҭкаауам, дхәаҽуеит.
Алашьцара рхаҳалоит лыблақәа. Димпыҵаԥсӡозаргьы ибо,
еиликаауа ҳәа дыҟам иара. Ӡәыр изыҳәан гәаӷ имазар зегьы
еизыркәкәаны, имч зықәхаз илхигон. Иқәыџьмара убасҟак
иуаҩра аҵкыс ииааит, дгьыли-жәҩани бганы еилаҳауазаргьы,
иаҳауамызт. Уаҳа лылшом, иԥсыдахеит лмахәар-шьахәар.
Аҟама лыӷришьызшәа чҳашьа змамыз хьаа цәгьак налылсит.
Ршьапқәа ирықәыҟьҟьаны ицо, илхагьежьаауеит аҵлақәа.
Ажәҩан лашьцахоит, ицәышхоит, иеҵәахоит. Лылаԥш иҵа­
шәо зегьы шыгьежьы-хынҳәуа, аӡы зымҵәаз аӡлагара алуқәа
реиԥш, хәыҷы-хәыҷла ршьапы иқәгылоит. Убас иҭынчроуп,
аҳәҳәабжь иазԥшу џьушьап аԥсабара зегьы. Мацәыс еимҟьараҵас лгәы иаалнаҭеит: «Адунеи аныҵра... Мап! Ашьоура!
Аҩны аҭӡамц аҿы икнаҳауп ашәақь!»
Иҟалаз зегь раԥхьа илаҳаит аҭакәажә Хьыса. Илаҳаны
акәым, лыблала илбеит. Мырзаҟәыл амҩа дықәылҵан данца
инаркны, лара ашҭаҿынтә дыԥшуан Бзыԥ ихыз ацҳаҵәрахьы.
Агәды-мыдыҳәа еицәажәо, еиҿаԥшны еибарччо ацҳа
иаақәлап: арантәи дырзыԥшуа днарықәныҳәап. Абриаҟара
ауаатәыҩса дышрызгәаахьазгьы, даҽа џьоукы насыԥ шрымоу анылбалак, гәахәарак ҟәандаӡа инҭысуан лгәаҵа. Еиҳаракгьы ари, ақыҭаҿы зегьы реиҳа лара ҳаҭыр лықәызҵо
Шьазина. Абан ацҳаҵәры даақәлеит уи. Лымацара дыҟоуп.
Ацҳаҵәры ҵысҵысуеит, игарыгаҽуеит. Агәхьаа лкым. Лхы
лцәымыӷхазшәа...
Рыцҳарак шыҟалаз лцәа иалашәеит аҭакәажә. Иҟалҵарыз
лзымдырызт, лџьыба ҭбаа ду аҭаҭын ааҭылган, ирҳәны иналҿалкит. Аихымцеи ашьанҵеи неихьлырсит, лнапқәа қыџьқыџьуа.
Ацҳа днықәсын, амҩахәасҭала ахәахьы дыҩхалеит Шьа­
зина. «Дышԥаауеи, ӡибнаҟа, аԥсӡы лаҳазшәа», – аалгәахәт

аҭакәажә. Лыхцәы еилажәжәа иԥыртланы илықәыԥсаны,
алаӷырӡ иабылуаз лыблақәа ҭыҵны ицон. Лыҵкы ахәдаҿы,
лмахәарқәа рҿы еиҟәыжәжәа иҟан.
− Иҟалазеи, ибыхьзеи, Шьазина? – аҭакәажә лгәаҵанӡа
дрыцҳалшьеит уи.
− Сааигәара бмааин, бара аџьныш! – лҳәеит лыԥси-лыԥси
еивҵахо Шьазина.
– Иҟалазеи, цәгьарас ибзызузеи?
– Бара бами иазҳәаз сахьыҟаз, дахьԥшышаз? Иабымҳәеи? Егьаҩы егьа бзырҳәаргьы, сара уаҩыс бысшьон.
Ибзырҳәо аҵкыс беицәоуп!
Длывсны данынаскьа, аҭакәажә игәалҭеит Шьазина лыҵкы
еиларҟәыҷы ишыҟаз. Лнапы қыџь-қыџьуан аҭакәажә, илкыз
аҭаҭын былуан, длышьклаԥшуан илҳәара лҿамшәо, лыԥсахы
еилало.
– Џьаҳаным сҭыԥхааит, џьаҳаным! – лҳәеит, лыԥсы лгәы
икылахо.
Лџьыба иҭаз аԥарақәа еиларҟәыҷны иаанылкылан, иршәны наҟ иҿалыԥсарц лҿыналхеит Мырзаҟәыл ԥхьарҭас
имоуп ҳәа ахьлаиҳәаз ақьаԥҭахьы. Дыздыруаз аӡәы дылԥылар иџьеишьарын, агәаӷ убасҟак иарласит лныҟәашәа. «Уаҳа сылымшаргьы, сиҿажьцәап. Исылшозҭгьы, дысшьуан
илеигәыдҵаны. Ишықәырхызоуп шәыжәла... Шәдаракәац
адунеи ианыӡаароуп.. Дуаҩыз џьысшьан... Ахы сҿашәароуп,
изиасҳәоз, димбаргьы здыруадаз... Ала ҟьалеиԥш дшаҟьо
дышԥаҳалахеи! Ԥсышьацәгьа зауша! Лыгәнаҳа нарцәы саргылом. Снапала дысфеит... Лашьцәа, аҳәагыла иацәымшәо,
акаамеҭқәа! Ианаараҳа... Рмаҳашьасгьы иҟоузеи!..»
Ақьаԥҭа иқәханы иҟаз, аҩныжә ашә ааимԥааны дныҩнашылеит Хьыса. Имԥыхьашәоз имаҭәақәа еидгәаланы аҳаҭа
аҭагәара даҿын Мырзаҟәыл. Ашә анаатыҵәҟьа, итапанча
имаҟа иавҵԥааны инхаиршалеит.
− Хьыса боума?
− Угәы дықәгылааит Хьыса! Ууаҩума уара! Ақәыџьма!
Ушԥалызныҟәеи аҳәыҳә иаҩызаз аԥҳәызба? Усҭ, аа, уԥарақәа, уеишәамаҭәа алаархәо Анцәа исирбааит! – аԥарақәа

лыршәырц лнапы анаалырхха, алаапк аныҵҟьо аиԥш, Мырзаҟәыл дааиҭаԥан:
− Иазхоуп! Бысԥырҵ, афыҩгара! – иҳәан, лыжәҩа кны
данлыцәхас, аҭакәажә лшьапы днықәҟьан, дбырбыруа дца­
ны акәакь дныкҿаҳаит. Иара иԥси-иԥси еихьымӡо, инапқәа
қыџь-қыџьуа, имаҭәақәа аҳаҭхәыжә рҭагәара далагеит.
− Уан духагылааит, уан! – ашәира даҿын аҭакәажә.
− Сан дахьыҟоу бнаргааит!
− Амаҭ лыхшеит уи, алақәа иҵырхыша, амаҭ!
− Быбз бҿы иҭакы, бара, зегьы еимдырххоз ауадалықь
ԥҳәыс! Быбз бҿы иҭакы, мамзар беихаскуеит! – аҳаҭа
аашьҭԥааны ижәҩа инхишьит ддәылҵны дцарц. Аҭакәажә
деихеигәо дҩагылан, ахәышҭаара дныҽҳәасын, иааҽҳәылԥааит алҩа зхылббуаз кәазҭхак.
− Ажәлар еизызгап сара! Сыҳәҳәо срылаланы ажәлар
еизызгап. Ԥсышьацәгьа урҭап! – акәызҭха аҿаныналырха,
Мырзаҟәыл длымпыҵасны иаалымпыҵиԥаан, адәахьы дындәылԥеит. Агәашә хьанҭа аӷьеҩҳәа иныдижьлан, ацаԥха
ныларшәны инаиркит.
− Ажәлар еизыбгап уажәшьҭа ибзиашәа! – иҳәан, алҩаҵә
ахылббуа иикыз акәызҭха аҩны абаџьар хыб иналаиршьшьит.
Амца қьоуқьад иамҽханакыз аҩны идәылҩуаз аҭакәажә
лыҳәҳәабжь наӡаӡа еиқәтәаанӡа, Мырзаҟәыл дыбналарц дахьцаз абнахьтә инеиқәырццакны иааҩит ахысбжьқәа знык,
ҩынтә, хынтә...Ақыҭа иалсны ианынаскьа, рҿаԥхьа зыҽнышьҭызхыз ахәада инаҿалеит. Адәы ҟьаҟьара ишықәжьыз ашьац зқәиааз
хаҳә дук иеиԥшын ахәаџа. Аҽқәа аԥхӡы ргәыдшыла, шьарда
иааԥсахьан. Аринахыс уаҳа ааигәа-сигәа аӡәгьы дынхомызт,
раԥхьаҟагьы уаҳа қыҭа иалсраны иҟамызт. Иргәыдыԥшылон ашьхақәа, ак аҵкыс егьи еиҳаны, убас мацара, инахьхьи,
рханӡа, еиқәцәашь асы иқәжьу иаҵақь игылоу Ерцахә

аҟынӡа. Шарԥазаахыс акәадырқәа зқәырымхыцыз аҽқәа,
рааԥсара аҵкысгьы, рымгәырхақәа кәадахо амла иакхьан.
Ицәҳәны, асаба цәышӡа изынтәалаз ақыҭа мҩа ианыҵны,
уажәы ршьапқәа ашьац татара ианылагыла, рқьышәқәа нышьҭыршьырц ирыхон раӷәрақәа.
Аҽуаа руаӡәк, иаҳа ашьҭахьҟа зҽынкыло инеиуаз, иҽы
аӷәра наҿарххны дынҽыжәԥан, акәадыр аҽы ахәдахь даахо,
аҽԥырха ҟьаҟьа рыхханы инеибаиркит, нас иҩыза днаишьҭалеит апҟараҳәа. Иахьада дақәымтәацызг иҵакәашо дназгоз аҽы. Ааигәа ишырыбжьаз ҩашьомызт, аӷәра цқьа
иамышьцылацызт. Алымҳацәқәа ҵар-ҵарӡа, ҽы еиқәа цыҩцыҩк акәын иара. Ахы иоуижьыр, иаԥхьаҟа инеиуаз иҩыза
днаиаԥыҟьон. Дыццакуамызт. Иҩыза иҽықәтәашьа, иеилаҳәашьа цқьа днарзыԥшын, аччаԥшь неиҿықәлеит. Дихәаԥшуан, абна даалҵны бнауаҩык иаԥхьа даагылазшәа.
Адунеихаан дазымхәыццызт, ихахьы имааицызт ашәҵатәы
абас ауаҩы дузымдыруа аҟынӡа деиҭанакуеит ҳәа. Иԥаҵа
еиқәаҵәақәа аноуижь, асабрада иҿоушәа, иаҵәахуан ихыиҿы. Егьиашаҵәҟьаны, аԥхьаҟа инеиуаз аҽуаҩ асабрада
иҿан. Анапы еибаркра ҟаҵаны, ҽаҩраҭагалан шьҭахьы, ақы­ҭа
зегьы ныҳәас ирымоу амза кәашарақәа раан, аҳәсахәыҷқәа
ахацәарԥар ирҿарҵо ауапцәа лых сабрадақәа иреиуамызт
уи. Ииашоуп, акраамҭа далақьи мыркатыли анахьымс,
еимассы, ихәда иҭалан, илымҳақәа аҵәахуа иқәыԥсаз ихахәы,
унацәкьарақәа налшьны ишуҭаху иаанукылартә еимиаахьаз
ижакьа уҳәа, иқаруа ԥшшәылоу иблақәа ирышьцылахьоу
аӡәы иакәымзар, дизымдыруа ихы-иҿы еицаркит, аха убригь
акәмызт Билал Лоуба сабрадас иҿаз. Уи исабрада зынӡаск
даҽакын...
− Исыздыруамызт аԥсуа маҭәа ас ишунаалоз, – иҳәеит
ашьҭахь инеиуаз, Мураҭ захьӡыз аҽуаҩ. Дааҵысыр, ирыҩуа
џьышьа, аӷәра ахара иалагон иҽы.
− Усхыччоит акәу? – иҳәеит дԥышәырччо Билал. Уи
ишьапқәа еимыртаӷа иҽықәтәашьала иубон, уамак аҽы
иашьцылоу аӡә шиакәмыз.
− Ииашаҵәҟьаны иуасҳәоит, иунаалоит. Иушәқәоу асҟак
ихьыжә-кәыжәмызҭгьы, зынӡаск ублахкыгахар ҟаларын, –

иҳәеит Мураҭ. Ихырымшәаӡакәа, аҵлаҿы ишыкнаҳаз, аҿыттара иалагаз аԥҳәажә иаҩызан аԥсуа маҭәас ишәыз, убасҟак иажәхьан, ихьыжә-кәыжәын. Билал дзазҵаақәоз Мураҭ
иџьеишьон. Ҭабзалаа рыкрыфашьа, рцәажәашьа, ргылашьа,
ртәашьа зегьы идыруазарц иҭахын. Дазҵаауан: «Ари
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 21
  • Büleklär
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3316
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2349
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3340
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2352
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3345
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2250
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3328
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2316
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3385
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2344
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3340
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2306
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3345
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2368
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3324
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2290
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3285
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2281
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3325
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2308
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3339
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2313
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3318
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2348
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3280
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2285
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3350
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2310
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3316
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2353
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3308
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2351
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3323
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2369
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3363
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2349
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 19
    Süzlärneñ gomumi sanı 3351
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2342
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 20
    Süzlärneñ gomumi sanı 3304
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2412
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 21
    Süzlärneñ gomumi sanı 3400
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2398
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 22
    Süzlärneñ gomumi sanı 3355
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2328
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 23
    Süzlärneñ gomumi sanı 3464
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2309
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 24
    Süzlärneñ gomumi sanı 4490
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1950
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 25
    Süzlärneñ gomumi sanı 4507
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1947
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 26
    Süzlärneñ gomumi sanı 4637
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1904
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 27
    Süzlärneñ gomumi sanı 3881
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2004
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 28
    Süzlärneñ gomumi sanı 3326
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2241
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 29
    Süzlärneñ gomumi sanı 3292
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2241
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 30
    Süzlärneñ gomumi sanı 3355
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2227
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 31
    Süzlärneñ gomumi sanı 3411
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2257
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 32
    Süzlärneñ gomumi sanı 3351
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2322
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 33
    Süzlärneñ gomumi sanı 3328
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2331
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 34
    Süzlärneñ gomumi sanı 3423
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2326
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 35
    Süzlärneñ gomumi sanı 3404
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2300
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 36
    Süzlärneñ gomumi sanı 813
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 627