Latin

Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 18

Süzlärneñ gomumi sanı 3363
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2349
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
иҿынаханы раԥхьаҟа дниасуан, нас дхьаԥш-кәаԥшуа, рыжә­­­пара иҽналакуа, убарҭ дрылан Мырзаҟәыл. Шықәса ҩажәижәаба ирҭагылаз хаҵак иакәын уи. Иԥынҵа ҵаӷа, акәтрыхьшь ац
еиԥш, ақә ырхәа, иџьымшь еиқәаҵәа цыҩ-цыҩқәа жәпаӡа, уаҩы
дшымгәыӷӡо амҩаҿы днеиԥаҳалар, ихәы-ижьы ҩеилагыларын,
убас имчын иҿанԥшылара. Алашьцара дагәылахазшәа, ибла
еиқәаҵәа гәыҭбаақәа мыцхәгьы ишамшамуа ихтын, аха
блеихаҟәысракгьы инеиԥынкылан уаҩ ибла дхыԥшыломызт.

Амца қьоуқьадха ишиӷраз убон. Ар хыҵны ишьҭоушәа, аӡәы
даниацәажәо, дхьаԥш-кәаԥшуан, иблақәа шаҟь-шаҟьон.
Дан­цәа­жәоз, игәыжәлацәгьара зкәыҳәҳәы изқәыз иқьышә
ҵаӷақәа ихаԥыцқәа нарықәирӷәӷәон, иааникыларц иҭахушәа.
Уажәы ихы-ихшыҩ назышьҭны дназхәыцит алаапк: «Дара
ирыгу зегьы убри алаапк акәызшәа изхараз, убри аныршь
нахыс ирԥырхагоу зегьы наҟ инырҟәырблаауазшәа, шаҟа
еидгыланы иажәлазеи, уҳәарауеи, уаа мыжда! Ари уаҩы ихы
иаирхәаша, инарҵауланы уаҩ дзызхәыцша, ааи, ааи, уаҩ
ихаҿы иааигаша акоуп иара. Еиҳараӡакгьы сара сзышьҭоу,
сара сыззықәԥо аус аҿы»,– иқьышәқәа қәацқәацон, абас игәы
дахьҭахәыцуаз. Дызлагыланы днеиуаз ауаа рҟнытә аӡәыкҩыџьак, знык-ҩынтә ибақәахьан акәымзар, дизааигәаны
аӡәгьы диздыруамызт. Иҟан ари ақыҭаҿы, иахьуҳәо ҳахиоуп,
уара узыҳәан ҳаԥсы ҳаигӡом, избанзар уара ухьаа ҳаргьы
иаҳхьаауп, уара уззықәԥо ҳара ҳзынгьы иԥсеиқәырхагоуп
ҳәа иазҳәақәахьаз. Аха урҭ бжаҩык хьшьцәан, ӡынгьыԥхынгьы рыжәлари рқыҭеи ирҟәыган. Егьырҭ, дара ираӷаҵәҟьоу дырзымдырӡо, изҭагылаз аамҭа ианымшәарц абна
рҽамардахьан. Убарҭ, абна ҩныс-гәарас иалызхыз, рхыргәы аҭалара иаҳа изымариан Мырзаҟәыл. Изхомызт. Урҭ
маҷын. Иара иҭахын абарҭ, Аԥсны ақыҭақәа зегьы хахахымш ныҟәа ирцәыхараны, ашьха аҩыҵра иҵак ишьҭоу
ақыҭа Ҭабзала иаланхо, «азҩа ҿкы» ҳәа иара дзышьҭаз, аус
рызегьы аҿагыларц, уи арахь иааир аҵкьыс аԥсра еиӷьашьо
иқәгыларц. «Аа, абар, уажәы рызегьы абни алаапк аԥсы
шааҭырхыз еиԥш», – дҭахәыцуан игәы. Аӡәаӡәала икылкаауа
дрылаԥшуан. Игәеиҭон ихы нарыдкыла, уажәшьҭан зегьы
анааимплак дзацәажәаша аӡәыр дысзыԥшаауазар ҳәа. Иара
дызмадақәазгьы ус акәын иаҳа ишеиӷьаршьоз. Аха уажәы
иаҳа-иаҳа ихышхыҵәон иҵаҵәоз аӡы. Лыхцәы шәпақәа
лыгәчамах иқәхәмаруа, лаба шәпа дук кны, ажәлар дрылагыла
инеиуаз аԥҳәызба Шьазина уаҩҵас лзыԥшыхагьы имамызт
уажәы.
− Шаҟаҩы рыԥсы еиқәирхазеи уҳәарауеи, алаапк
зшәақь аԥынҵа иаҿазкыз! – иҳәеит Мырзаҟәыл, аӡәгьы ихы

иқәымкыкәа. Дзышьцылахьаз акәын, изгәамҭаӡакәа, ицацхаҿы иеиқәа амаҟа иавҵаз итапанча неимарӷәӷәа иааникылеит.
− Дад, ҵаара ԥхашьарам, абри уара уабанӡатәиу? Зныкҩынтә узбақәахьеит, аха уазҵаарҭа смоуит, – иҳәан, дкылкааны Мырзаҟәыл днаихәаԥшит Мардасоу захьӡыз уаҩ быргк.
Дшымгәыӷӡоз ас еиԥш азҵаара анирҭа, ӷьычрак иақәыркыз
аӡә иеиԥш, ииҳәара иҿамшәо даашанхеит Мырзаҟәыл.
Амш каххаа еилган, ауаа рыҩныҟақәа иццакуамызт. Излацәажәашаз уск ахы шыҵнахуаз гәарҭан, инхьаԥш-аахьаԥшуа,
аӡәаӡәала иааҭгыло, рызегьы рҽеикәыршаны иааикәагылт.
Аҵиаа ҟата амцаԥшь адыԥхалар иаҩызаха, Мырзаҟәыл ицәа
дҭаҵәиаауа, дареиџьит алаԥш рацәа иаахоз. Ус данааҟала,
блеихаҟәысракоуп, нас, иблақәа цымцымит, инархылеит
ижьышоз агәаӷ. «Издыруада сара дсышьклаԥшуазар. Цқьа
сиҿаԥшыроуп ихы-иҿы схамшҭырц», – мацәысеимҟьарак
аҟара иласны ихы инҭашәеит ари ахшыҩҵак.
− Агаҿынтәи уааижьҭеи акыр ҵуоу? – иара раԥхьатәи
азҵаара аҭак ҟаиҵаанӡа, уи агаҿынтә дшааз аҟара заҳахьаз,
издыруаз аӡәы диазҵааит.
− Сара соума узҿу? Аа, аиеи, сара ииашаҵәҟьаны агаҿатәуп.
Уахьынтәи сааижьҭеигьы уамак ҵуам, мзақәак роуп! – иблақәа
шаҟьо днарылаԥшит. Еиҭах илаԥш дныҵашәеит зыԥшӡара
даҵаҽырбо игылаз Шьазина. Уажәы лаԥш ҟәандала иара
дихәаԥшызшәа игәы инарбеит. Идыруан Ҭабзала инхоз ауаа
рҟазшьа, знык иазҵаара ианалага, аламала доурыжьуам.
Иажәа инациҵеит: – Сара Асҭартәуп. Қыҭа бзиагәышьан,
уажәшьҭа иԥсыз акы иаҩызоуп акәымзар. Мырзаҟәыл сыхьӡуп. Арҟәыџь Ҟасҭеи сиԥоуп. Иӡбахә шәмаҳацкәа шәыҟам,
шәарыцара Ҭабзалаҟа даалон. Араҟа инхон иуацәақәак,
уажәы сара сахьаангылаз. Дыԥсгәышьахьеит саб.
«Ишәасҳәаз шәызхап. Шәара, дунеи лашара зымбац
абнауаа, арҭ ишәасҳәақәазгьы шәцәымцхәуп. Ибзианы
схы иҭашәеит саб араҟа ауацәа имазшәа. Ианбыкәыз саб
данышәарыцалоз, аха арҭ рҟны реиҳа пату зқәу уи ауп», –
иҳәеит уи игәанала, икәшаны игылаз Ҭабзалатәи анхацәа
дрылаԥшуа. Дара ҿымҭ ихәаԥшуан, рылаԥш иҭса хьанҭаха
игәы иҭаҳауан. Иара, Аԥсны агаҿан дахьиз, дналс-ҩалсны

қыҭақәак ахьибахьаз аҟнытә, арҭ, ашьха қыҭа ԥхьак аҿы
инхауа, бнауааны иԥхьаӡон иара иаасҭа.
– Уаанҿас, дад, уаанҿас. Бегьлар иқьаԥҭа дахылт аӡәы,
агаҿантәи даан, аҳәыҳәкцәа реиԥш, ихала дықәтәоуп ҳәа
иҿуп, убри, дад, уара уоума? – ҿааиҭит ихҭарԥа ихыхны,
илабашьа иахаркьакьо Мардасоу.
− Сароу? Ааи, ааи, ус акыр уаҳазар сара соуп. Иҟоу уиоуп,
сара уаҟа... Уаҟа сыԥхьалоит, – иҳәеит Мырзаҟәыл иажәақәа
ԥыҵәҵәо. Иҳәаны далгаанӡа, имыцхәу акыр самхаҳәамашь
ҳәа иажәақәа днарызхәыцит.
− Нхара уаазар, иузаԥсам, дад, уаҟа. Иужәуа ӡы уоуӡом
ааигәа-сигәа, насгьы, уҩнаҭа абзиара Анцәа иҟаҵа, аха
иахьа шар хәлаанӡа уқәгыланы уҳәҳәозаргьы, изаҳауа гәыла
ааигәа дынхаӡом. Анкьа уаҟа ҳабла ҭҭәаан. Зегьы ыкәҵит. Аа,
убри аҳабла иалҵыз лоуп Хьыса, – иҳәан, Мардасоу ҭакәажәы
хачақьа хәыҷык ихы налықәикит. Иара Мырзаҟәылгьы
дгәеиҭақәахьан уи аҭакәажә. Лыхцәы шла кьаҿ ԥыртланы,
иџыԥхьӡа илхагылан. Акәны рахәыц иалхны иԥаз акасеицар­са
анылхалҵалакгьы, лыхцәы арахь иаҵыҳәҳәо, лыбла хәыҷқәа
ҵкәит-ҵкәитӡа ирыҵыԥшуан. Мардасоу ииҳәаз лхахьы
иаамгаӡо, уажәы-уажә Мырзаҟәыл Шьазина дшылзыԥшуаз
гәалҭон. Аҭаҳмада иажәа инациҵеит:
– Ухала заҵәык ақьаԥҭа уахызар, арсҟак Ҭабзала инхо
аҭыԥҳацәа аӡәы уаалых. Ҳаргьы чарак наҳҿоуҵап.
Ҭыԥҳацәақәак рӡамҩақәа аҟаԥшьра нықәлеит. Иара
изаҟаразаалак уи ихахьы имнеиӡо, иԥсахы еилало дгылан.
− Ақьаԥҭа ихала дахым. Иҩызцәа изнеилоит. Амала,
излацәажәақәо сыздыруам акәымзар,– иҳәеит иажәа маҷкгьы аҵәы налаҵан, зқьышәқәа аччаԥшь рықәыз арԥыск.
− Ҩыза дызмам уаҩ дыҟам, уххь згеит. Егьи, ҳазлацәажәо
ҳәа узҿу, иуаҳарц уҭахызар, унеи, бзиала уаабеит, – иҳәеит
Мырзаҟәыл ихы инапаҿы иааго, иҽынкыланы.
− Исаҳандаз ҳәа саргәаҟуам. Заманалаҵәҟьа издыруеит
шәызлацәажәо.
− Унеины ааҵра уавҵагылар аринахысгьы иаҳҳәақәо
уаҳалап! – иблақәа гәаӷла инҭҭәааит Мырзаҟәыл.

− Уажәақәа урызхәыцны уцәажәар узеиӷьын! Сара ааҵрақәагьы срыҵагылом, зқыҭа иалырцазгьы среиуам, – иԥилта
шәақь агәыцә хәхәаӡа, ихы иахыҳәҳәо дгылан уи арԥыс.
Изаҟаразаалак ԥхьагьы шьҭахьгьы дымҵысит. Мырзаҟәыл
игәахы ԥжәара иарҵыс-ҵысуан инапқәа. Инацәкьарақәа
дара-дара еилаԥаҭо, ашырҳәа рҿынаирхеит итапанча ашҟа,
иара убасҵәҟьа ирласны иҽааникылеит.
«Аԥсны агаҿа иавоу қыҭеи қалақьи хыла-гәыла еилаҵаны, саргьы саб ихәышҭаара сацәзырӡыз азҩа араҟагьы
ирылалахьеит убама! Аӡәык, ҩыџьак роуп, хымԥада, ус иҟоу.
Ахыкәалаа игәаҵаӷара иҭартәатәуп абни арԥыс. Иаарласны,
џьара мҩак наизкны. Усоуп нахьхьигьы ишҳахьыз. Ҳкаххаа
ҳацәан, ҳацәа! Абри иқәлацәа, аҿыӡәӡәашьаҵәҟьа ззымдыруаз, инцәыҵацәажәа-аацәыҵацәажәо, аизарақәа ҟаҵо, рхы
рымакәачаха ақыҭа ишалаз аабон, ҟамчык нархаҳҟьар,
рҽааныркылап, ршьа шуеит, иҟарҵо ирдыруазеи, ирызҳап,
иҟәышхап шаҳҳәоз, абар, уажәы ҳахәда инықәтәеит. Аԥсны
зегьы рытәӷәы нахыршьит. Арҭ аҟамчы иабжьом. Ахы цаҳәцаҳәоуп, ахы цаҳәцаҳә! Акгьы алшом ауаҩы ибызшәа!
Аҷыҷмасса ҳаркит, аҷыҷмасса!» – игәы инҭеиҳәеит Мырзаҟәыл, иԥсахы еибакны аӷәра зҽаркшаз аҽеиԥш, иқьышәқәа
қәацқәацо. Зыблақәа ӡыжьҷас дрыххало ани аԥҳәызба,
абарҭ дрылганы димазар, даамҵԥааны дигарын ихы
ахьынахоз. Дзыԥҳадашь лара? Иара, қыҭак зымаҵ руаз
Арҟәыџь Мырзаҟәыл иеиԥш, ашьацқьа злоу дреиуоумашь!
Ус акәымкәан, нхаҩык диԥҳазар, рацәа дымҩаныфа бзиоуп!
«Аҭакәажә... лыԥшышьа злаҟоу ала, аԥара лурбар, аӡыршы
иалаԥало аӡәы лоуп абни, зыхцәы еиларбабаны игылоу
аҭакәажә!»
Убри аамҭазы, ҵа змаӡам хра ҭакнаҳак дынхықәгылаз­шәа,
иоуразоуроу имцабзха инаилсит гәыҭҟьарак. Убасшәагьы игәы
иааинаҭеит, абыржәы дызлагыланы днеиуа, ӡбахәыла ада,
дырзааигәаны изымдыруаз Ҭабзалаа днарылҵны иҿынеихар,
рызегьы иара ишьразы инаишьҭаларашәа. Уажәраанӡа, дасу
имԥыхьашәоз шьҭԥаа, алаапк ишашьҭаз еиԥш. Иара ихаҭагьы
урҭ дрылаланы ала еиқәаҵәа ду дахьашьҭаз ааџьеишьеит.

«Издыруада, уи зынӡаск иаапкӡамызҭгьы. Асыԥса ԥжәаны
алеира ахы аҭыԥ иқәнаҟьаны, џьара аԥсы ахьаҵәахышаз
аԥшаарц ақыҭа иалалазар? Убри азыҳәан акәзар ҩнык
иҩналаны ахы аҵәахырц изаҿыз? Шаҟа аԥсеивгара рнаҭазеи
аԥсы ахьҭырхыз. Зхымҩас иаҿаҵахәхаз, дынцәаха дылбаа­
ны, рызегь гәылшьапк иаҿыҵихызшәа, ишьапы изамгәӡит,
уаҳа акгьы рыгымхеит».
− Сара акы сзеилымкааит, иқыҭа бзиагәышьан, аха
уажәшьҭа иԥсыз акы иаҩызоуп ҳәа зуҳәазеи, дад, аԥхьан
Асҭар азыҳәан? Амҳаџьырра азыҟалазшәа... – иажәа намыгӡакәа иҽааникылеит Мардасоу.
− Амҳаџьырра уҳәоу? – аҭаҳмада ииҭаз азҵаара ԥсеи­
қәырхагак еиԥш днахьынҳалеит Мырзаҟәыл. – Амҳаџьырра
уаӷоу изыҟалеит, уанӡаҵәҟьа имнеиц макьана. Уи сҳәаргьы,
иаҳа ирзеиӷьзаргьы ҟаларын мшынк инхыӡлар.
− Ирылалазеи, ирыхьзеи?
− Азҩа ҿкы, азҩа – иҳәеит Мырзаҟәыл игәахы дахаԥжәо.
Иара иажәа иациҵаанӡа, уаанӡа ажәа имазкхьаз арԥыс
ҿааиҭит:
− Уаҟа, Аԥсны агаҿан, аамҭақәа даҽакала рҽырԥсахит,
ҳара ашьхақәа рыбжьара абна ҳалахеит акәымзар. Ус мацара
ицарым, ҳара ҳашҟагьы иаахра иҟоуп уи!
– Уаангылишь, дад, Уахсиҭ, – арԥыс днаиқәыцәҟьеит
Мардасоу.
«Уахсиҭ ауп ихьӡу. Илымҳа дуқәа хахаӡа, ибз аҭра иахь­
ҭасҟәаҟәаша дышԥасымԥыхьамшәари. Иахьаҵәҟьа еил­
каа­тәуп дахьынхо. Ари иеиԥшыз сҽышькыл акра раҭәас­
шьомызт»
− Сызуазҵааз соумҳәаӡеит, Мырзаҟәыл. Асҭар уара узы­
ҳәан иԥсу, мамзаргьы, ииашаҵәҟьан рыцҳарак иақәшәоу? –
даҟәыҵуамызт аҭаҳмада.
− Сара сзыҳәан мацара акәӡам уи зыԥсыз, ԥсыцқьа зхоу
зегьы рзыҳәан иԥсит, ԥсыцкьа зхоу! Аԥсреи аӡреи инаганы
инхықәдыргылеит Аԥсны зегьы. Абзацәа ԥсны, аԥсцәа ангылоз аамҭа ҳахаанхеит! – ишҳамха иҿыҵуан ажәақәа.
– Адгьыл еимакны анибарҵәара иаҿуп. Уи иахырҟьаны,

адгьыл нышәынҭрас ирзыҟалеит ԥыҭҩык! Еиҳабы еиҵбы
дырзымдырӡо, аҷыҷмасса ҳақәланы ҳаркит.
− Уара, дадхеит, абзацәаҵәҟьа ԥсызар, аиаша уасҳәап, уи
хәарҭагәышьам, амала, ани адгьыл атәы ҳәа иуҳәаз шыҟоу
умбои, адгьыл атәы хәыҷык ицәгьоуп, афаст!
− Адгьыл араҟа, ҳара ишҳамоу еиԥш акәӡам Аԥсны агаҿан
анхацәа ишрымоу. Ҳара, изакуи, уеизгьы-уеизгьы уӷәс ҳахә­
да иқәузеи, шәымҳәои? Ииашоуп, Ҭабзала Ҟазылбакь итәуп,
ихьӡ ахуп. Шықәсык ахь ахьыӡ ҳәа џьмақәак наиаҳҭоит, уаҳа
акгьы. Ус иҟам Аԥсны агаҿа иавоу ақыҭақәа рҿы, – даҽаӡәы
иажәа нарылеиҵеит.
− Адгьыл зцәыргаз уреиуоу, мамзаргьы измамыз урхыԥхьаӡалоу?
− Измамыз дреиуандаз, уаҟа даангыларын...
− Иџьоушьаша, ԥаса ҳқыҭа адунеи иануп ҳәа иҟаӡамыз
ауаа, уажәы иҳацәнымхо арахь идәықәлеит. Иацы изакәытә
қәаз икыдхаҽа илеиуаз жәбон, папык, иара иеиԥш, рԥаҵақәа
ргәаҵаӷаранӡа инеиуа, ҩыџьа аҷкәынцәа ицны, нахьхьи
арҩаш аҭаҽҽараҿы иаасԥылеит. Урҭгьы агаҿантәи иаауан.
Бзиарак иаанацарымызт аранӡа, хаха-хымш уахьзымаауа...
− Уара, Аԥсны ус еиԥш акыр ҟалақәазар, ҳаргьы Аԥсны
ҳатәӡами?
Инеимдо еихырҳәаалон иахьаауаз.
− Сара ишәасҳәо убриоуп,–ҿааиҭит ишилшоз ихы инапаҿы
иааганы, иҽырҭынч Мырзаҟәыл, – Аԥсны, агаҿан, ирыхьыз
шәаргьы ишәмыхьын, мамзар шәырахә-шәышәахә абас
шәеихбаалан шәынхо шәзыҟалом. Шәыччаԥшь еиқәаҵәахап.
Аешьеи аешьеи рыбла анҭибахуа аамҭа ҳахаанхеит. Ԥыҭҩык
ахы цаҳә-цаҳә иаргатәуп, ахы цаҳә-цаҳә!
− Иаҳԥырхагаҵәҟьоу даабар, ахы цаҳә-цаҳә азыҳәан
ҳаиҵахарым. Аурыс ҳәынҭқар, Аԥсны мацара акәым, Кавказ
нхыҵгьы-аахыҵгьы импыҵахаланы даналга ашьҭахьгьы ҳара,
Ҭабзалаа ахақәиҭра шҳамац иҳаман. Ҳашьхақәа дырхыҵны
дааҳмышьҭит. Ҳарҭ, ари иубо мацара ҳакәу џьумшьан иҟоу.
Џьоукы арахә рыма ацәҳәырақәа рахь ицахьеит, даҽа џьоукы
рышьхымӡагәарақәа рыхьчоит. Хысбжьыкоуп иаҭаху, зегьы
ара ишыҟоу убап! – иҳәеит Мардасоу.

Бзыԥ аӡиас аԥшаҳәа иазааигәахеит. Ԥыҭҩыкгьы рыҩныҟақәа имҩахыҵхьан. Мырзаҟәыл цқьа длызкылԥшны, дымҩашьартә игәеиҭеит аҭакәажә Хьыса дахьҭалаз агәашә. Зегьы
рылаԥш назырышьҭит иаха ибганы аӡиас иалаҳаз асыԥса. Амш
шеилгахьазгьы, макьанагьы еилахәашь илеиуаз арҩашқәа
рышьҭыбжь алыҩуан ақыҭа. Ахаҳә-мҿыхә еигәыдҵо, акы
иазынкылап ҳәа агәы иҭамызт аӡиас. Имҵысӡо, иаԥырахаз
асыԥсагьы еиқәыцәашь, аҭсеиԥш акәын ишеилашәыгәыз.
Иахыҽҽон, иҵыӡәӡәаауа иарбгон. Уажә иамбеит усеиԥшқәа.
Иҟалап, ашьха ӡиас иаҳагьы еиӷьанашьозар ԥынгылак анаиоулак. Усҟан иԥнашәоит амч-алшара. Иԥнашәоит акаршәрахь, амшын казказ ду ахь ацаразы агәаҳәара ахьынӡаӷәӷәоу.
Алаапк ақыҭа ианалагьежь еизнагаз ауаа днарԥырҵын,
иԥхьарҭа ашҟа иҿынеихеит Мырзаҟәыл. Агаҿан, иара
дызлыҵыз ауаа иреиԥшқәаз араҟагьы иԥылеит уи. «Уахсиҭ
захьӡыз, ани арԥыс лымҳа хаха, ицәажәашьа злаҟаз ала,
агаҿан хыла-гәыла ҳаилазҵаз азҩа араҟагьы ирылалахьеит.
Заҟаҩы ушьуада? Иҟами, уаагьы дрымшьӡакәа, иарбанзаа­лак
закәанк аххәыцра ахьырҭахымхаз аҟнытә, наӡаӡа зыԥсгьы
зыбаҩгьы абна иамаздаз. Анҭ, сахьыԥхьало ақьаԥҭаҿы уажәы
ааигәа иаақәаз рҩызцәа. Абольшевикцәа закәу, изусҭцәоу,
рзакәан шхырҵәагоу, ҳарҿагыланы ҳшықәԥаша ҳәа уахыкиҽнаки рхы аҭагалара саҿын. Дара: «Уажәы иҟоу азакәан
шаҳҭахым еиԥш, урҭгьы рзакәан ҳҭахым. Ҳаԥсы ҭанаҵы,
закәанк ҳаххәыцраны ҳаҟам, – рҳәеит. Абгыӡқәа реиԥш, аб­
на инылабга ицеит».
Анаара иаҿганы инагаз амҩахәасҭа имацара заҵәык
даныланы дышнеиуазгьы, аӡәы дизыҵҟьозшәа, итапанчахь
инапы аҿыҩаирхон уажәы-уажәы. Ихала данаанха, еиҭах
ихәы-ижьы еиларгыло инаилсит, алаапк ршьижьҭеи иахьантәарак ҭаха инамҭо ишьҭаз... Алабақәа, ашәақьқәа зкыз
аӡәаӡәала ибла иныхгылеит. «Издыруада, Асҭарҟа сылбаар
еиӷьзар?.. Схы егьзлаҭашәаӡеи уи аҩыза? Сыржьеит, сыр­
наԥхеит уаҟа еидкыланы исымаз ауаа. Саарымԥыхьашәар,
мышкы шьыбжьаанӡагьы сыԥсы наргом. Сара дыстәызҭгьы

лыхцәы кьларуа зыгәчамах иқәыхәмаруаз Шьазина... Изакәытә блақәоузеи илхоу! Мап, уи анхаҩы диԥҳахарым. Ма
лан ҭауадк длыҿцаауан... Уахаҵәҟьа длацәажәарц аҭакәажә
дыл-зынасышьҭып. Иаур – хаала, иамур – мчыла...»Ари ақыҭаҿы аӡәи-аӡәи еихырааӡалазшәа акәын ианыхәыҷыз аахыс ишеибадыруаз. Иқәрахь днеины, шәарыцареи
хьыӡрацареи дныҵымҵуа, аҩны дахызар, иара ишидыруа
еиԥшҵәҟьа, есхәылԥазы ирыԥхьаӡошәа, ирдыруан шаҟа
шьамаҟа изгәарло, шаҟа ԥсаса изану. Уинахыс ихшыҩи
идырреи раамышьҭахьгьы, цәгьак-бзиак аныҟала, унеишьуааишь ҳәа злаиарҳәоз, аӡәыс иуаажәлар дызларылагылоз
убри акәхон. Мамзар, иуҳәо ажәа ҟәыӷақәа зыԥсоузеи
уҩны имҩахыҵыз иқьышә ашша ықәыҵәҵәо данузымшьҭ.
Асасдкылара араҟа ауаҩра, анамыс ԥышәагас ирыман.
Хьыӡрацара ҳәа рышьхақәа инархыҵны, Аԥсны агаҿатәи ақыҭақәа ирызцозгьы убарын, аха Ҭабзала ақыҭан арԥыс
игәымшәара, иласра, ифырхаҵара ахьеилкаахоз ашәарыцараҿы акәын. Ашәарыцашьақәагьы еиԥшымызт. Уиаҟара хьӡыс
иршьомызт, ааԥынра асы ырӡыҭны, аиаҵәара агәыҵаҳәҳәа
ианааилак, алӡынрак ахрақәа згәы кыдыԥҵәалаз ашәарах
аԥсҭахьы ианылбаалак рышьра. Ус ҟазҵаз: «Амгәацәа иаҵақь, бӷаџьмак аарла аԥсы аманы ишнеиуаз ибан, ахьаха
аимраӡеит», – ҳәа, алаф илхуа, уаҳа шәарыцара игәамԥхо
аҟынӡа днаргон. Хьӡи-ԥшеи згоз, ажәеиԥшьаа рашәагьы
ззырҳәоз, напышьашәала амшә иаԥылоз, мамзаргьы ахра
ҵәцарақәа дрызцаны, аб ажьала зҭамҳа зырҭәуаз иакәын.
Ҭабзалаа рҭыԥҳа арԥыск дизырҳәозар, лыԥшреи лсахьеи
иалацәажәаанӡагьы, иаацәырыргон аласа шылхахо, шаҟа
ирласны дысуа, дӡахуа, акәымжәи акабеи рзыҳәан аҳәынҵә­
ра шеилалҵо ҳәа, лара дзыԥсоу аанарԥшуаны ирыԥхьаӡоз.
Лыцқьара – алацәажәара ахәҭангьы ирыԥхьаӡомызт. Уи,
лыблақәа шааԥшуеиԥш, лхы ахцәы шықәу еиԥш иԥхьаӡаз
усын. Издыруада, ашьоура хәышҭаара рцәага инаваҟәыло,
ари аҵас џьбара Ҭабзалаа ԥхьаҟатәи рԥеиԥш шаҟарыла

абӷа иаҵасыз... Ахаҵа изыҳәан ирҳәозар «ианиашьа ихаҵашьоуп», иазхәыцыр ауан, зыԥсҭазаара зегьы шәы еиқәарала
иаауа аҭакәажә Хьыса изакәытә мчымхараз дызҭашәаз. Акыр
лҽазылҟьеит уи ахьӡ данымшәарц, аха ауаҩы илшома игага
иԥырицар...
Инеиԥынкыланы х-ԥхынрак еибашьуан Ҭабзалаа. Ашьаӡагәаӡа кашуан рҩашҵас, аԥсцәа рыжра иахәомызт. Аибашьра
убри аҟынӡа инеиуан, аӷа ир иалаз асолдаҭцәа ари аҩыза
агыгшәыгра ргәы ианазымчҳалак, рабџьар кажьны, Ҭабзалаа
рышҟа ииасуан. Ргәырҩа даргьы ирхьааны издызкылаз,
шьала-дала ирҭынхацәаханы шаҟаҩы рыланхозеи иахьагьы.
Аԥхынра иаанагон абџьаршьҭыхра аамҭа. Аԥхын иаанартуаз
амҩа – агәырҩеи алаӷырӡи ирымҩан. Аӡын, ашәақь аҵа
икылԥшыртә, иҩеидасуаз рҵеицәа аԥхын инахәларыԥсон.
Ари шаҟантә! Ашьац иаҵәара ҳаҭгәын ҩычагахеит, ахәрақәа
ирҿыӡәӡәаарҭахеит аӡыхь казказқәа. Ацаҟьа аиҟәԥараҿы
иҭаҟаҵоу ашьауардын аҭреиԥш, ашьхақәа ркалҭаҿы ишьҭаз
Ҭабзала ақыҭа ҳаҭгәын мацаран инархатәеит жәытәнатә
аахыс уа иҭабзазан инхоз. Ҩ-ӡиас дуқәак реиҿасра иалахәашо аҿаанахеит аӡыхь хәыҷы. Атәра аҵкыс – аԥсра. «Аԥсра
иацәшәоз, абзацәа ахьыржуаз днанагеит», – абри аҩыза
ажәаԥҟа ҟәыӷа аԥызҵаз, дара рхаҭақәа рхаҿы иааганы...
Аха агәыӷра мыжда! Адунеи зегьы асҵәҟьа иҟаларым, ҭынч
ухы нықәҵаны аԥсырҭа ахьуоуша дгьыл ҿаҵак шԥаҟамлари!
Аԥша араҟа, уеизгьы, асра иаҟәыҵуамызт. Иҵысит ажәлар
еихьыԥшны. Рыхцәқәа ԥыртла, ашәы еиқәара рхьыссы
убасҟан агаҿаҟа икылсыз дреиуан Хьыса. Аҭырқәа иканџьа
шәымкьаҭхеит лаб изыҳәан. Аӡбеи амлеи изихымгеит.
Ианыӡхыҵ, лани лареи рзыҳәан ихныҟәгагахеит ашәырҭаҭа
иаҩызаз лара лцәа-лжьы.
Акыр ҵхьаны, ауадалықьаҿы дшыҟаз, Хьыса илаҳаит
лыхраҭ мҩа дшықәлаз лан. Усҟан лара иналыгӡеит, ма бараӡәк
бхынҳәы Аԥсныҟа ҳәа, иахьагьы-уахагьы дызлыҳәоз. Амшын
даныӡхыҵуаз, илыцыӡхыҵт ахьӡ еиқәаҵәа – ауадалықь
ԥҳәыс. Убри акәхап изизхымгаз лара дӷьычны дыӡхызгаз
ахаҵагьы. Наӡаӡа зцәеи-зыбаҩи абна иамаздақәаз днары-

лалт иара. Уаҳа ихабаркгьы лмаҳаит. Данымшәеит амҳаџьырра дахьнанагаз дызҭашәаз атәра, иара изыҳәан
ԥсҭазаарамызт уаҟа иуаажәлар зҭагылаз. Даҽа мҩак ыҟамызт, абна алалара аамышьҭахь. Ашьха акаҵәара, аҳаԥқәа...
Лара Хьысагьы иақәҿылҭуам, Ҭырқәтәылантәи иаауаз
аӡәы амҩан гәмырҿыӷьгас дааигеит ҳәа анылзырҳәалак.
Ахәаҿынтә днарԥшны иналирбеит дахьиз, лҭәымҭа дынҭалоны дызлыҵыз Ҭабзала ақыҭа. Ланшьцәақәак аанхан,
рхәышҭаараҿы макьана алҩаҵә ҩеиуан. Амҳаџьырра ил­
заанагаз аԥсра, аӡра, ашьа, алаӷырӡ, уаҟа дахьнанагаз
лцәа-лжьы аԥҽра, абарҭ лзымхазшәа, иналзацлеит даҽакы,
– Аԥсныҟа даазгаз ахаҵа адәагәҭаҿы дныжьны дахьылԥырҵыз. Дмаҵуҩын ланшьцәа рыҩны. Аԥашьа иуадалықь
ҳәсақәа дызларыликаауаз лцәа-лжьы шәырҭаҭа уаҟа иҩ­
накыҷны иныҩнаӡит. Ларгьы дгьыли-жәҩани, ԥсы зхоуи
зегьы дрызгәаазшәа, уаҩы игәаҵа иҵәымӷха иалакшо
ажәа­қәа аламҵақәа дцәажәомызт. Ихәышҭаарарцәагоу абз
лҿоуп анылзырҳәагьы, изаҟаразаалак акгьы ҟалымҵеит уи
ахьӡ бааԥс лхылхырц. Уимоу, дзықәшәахьаз зегьы рыцкы
убриала илуазшәа, иаҳагьы амца аҵалҵон. Акызаҵәык лара
дзызҟазаз, арԥызбеи аԥҳәызбеи реибыҭара напы аналалк,
еибылҭон, уаанӡа урҭ уасеи бгеи реиԥш еибабозаргьы.
Хьыса илдыруан шьыжьла, хәылԥазыла Шьазина уаҩы
дахьибоз. Ажәқәа ԥхьалцарц агәашә дынҭыҵуан, усҟан длықәымшәар, лацәажәарҭа еиҳа иманшәалоуп аирыӡ лыманы
аӡыхьаҿ даннеиуа. Егьи абжьааԥны, Нана-Гәында лашҭаҿы
тәарҭас илымоушәа, лацәажәарҭа уаҩы изыԥшаауам. Лашь­
цәа, Ҭарсхани Аруҭани, аныхачаԥа иаҩызаха, ибаагәаран
илывагылоуп. «Амшә напыла изкуа анҭ, уаӷоу изкашәааит!»
Раԥхьаӡа абриоуп иалҳәаз иаха Мырзаҟәыл ари аус аҵыхәала
данылҭаа. Руаӡәк, Ҭарсхан, ӡынгьы-ԥхынгьы аԥсаса иманы
дҭоуп ааԥҭра, егьи усгьы даниуаз ашәақь ициит, абџьар
имахәар ишьҭнахыртә дҩеидасзар аахыс ахрақәа дырҿоуп
дшәарыцо. Ес-ҩымш, ес-хымш аӡәы ахшхырҵәы лых ҳаҭала
иааигалап, егьи – ашәарах жьы. Баҩлашала дырзырчом
раҳәшьа заҵә, уаҳа егьрыгым.

– Уажәшьҭа, издыруада, ажәҩан ԥыҭраамҭак ихәашьымхар.
Асыԥса агәаӷ икны иагон, ааԥынра аанамышьҭуа, идамбаха
иаԥырагылаз џьушьап. Изакә ԥхасҭоузеи абна ианаҭаз! –
лхәеит Шьазина, асыԥса зҿыҩрыз ахра дназыԥшын. Агәашә
алыкә нылыршәан, ашҭа дынҭыҵит. Шаанӡан. Агәашә аԥхьаҵәҟьа ииасуаз амҩаду ааихҵәаны, урыҵаԥшыр, ухылԥа
ухшәо, ишшәыр-шшәырӡа еилагылаз алҵлақәа рымҵан
итәаз ажәқәа рахь лҿыналхеит. Ааигәа лнапала илсыз ҵкык
лцәа иадшәаланы, илнаало илшәын, араҵла иалхны аҟаԥҟаԥқәа лышьан.
Лааигәаҵәҟьа ииасуан, ахш ашәах иаҩызаха, ашәах
зыхчылаз Бзыԥ. Ибганы иалаҳаз асыԥса, ахаҳә-мҿыхә агәыдҵо акыр иҵнашәаахьан. Дгьылгьы ӡиасгьы ишкәакәаӡа
ирхылҵуан ахылҩа-ԥсылҩа. Ихьшәашәаӡа шьыжьтәи аҳауа
ҿыхаа лцәа-лжьы иналсит Шьазина. Аԥсабара иашо аԥшӡара, иара ахаҭа аршанхо аԥсы ҭазар, уажә зҭыԥҳара аҭәымҭа
иҭагылаз Шьазина лыԥшӡара иаршанханы, ашьхақәа иахьаарывҵлашаз иаангыларын амш ашара. Аӡиас ахықә
аҿы игәиҽанӡамкәа ашьыжь шаанӡа зылаԥш лықәшәалак,
егьарыла згәамч ӷәӷәоу хаҵазаргьы, ӡызлан дибаз џьшьаны,
игәы меиҭасырц залшомызт. Ларгьы лыхцәы ԥыртланы, лӡара
аҟынӡа дыхнаҩо лызқәа икыдыԥсалан. Аурыла Шьазина
акыр дааҳаракын, доуцәаны акәым, ус, аԥсуаа реиҳараҩык
зышьцылахьоу аура аҵкыс деиҳаноуп.
Аԥсны акаршәрақәа рҿы инхои ари ашьха қыҭан инхои
злеиԥшым акырӡа ирацәоуп. Акаршәра иааӡаз аҭыԥҳацәа
уаҩы дрыдикылар, Шьазина илзимҳәарц залшом: «Деиҩаҳаҳа, доуцәоуп акәымзар, егьирахь зегь рыла шаҟа Анцәа
дигәаԥханы дишазеи!» Уи азыҳәан араҟа, Ҭабзала ақыҭан,
лықәлацәа днарылкааны лыӡбахә имҳәацызт аӡәгьы. Ԥсрак,
чарак аҟны ԥыҭҩык ахьааиқәшәаз, дызлеибадырбоз лцәалжьы аԥшралеи, лыжәҩа ԥҽаҽаны, лӡара апашьеи рыла
акәын. Уи лыԥшреи лсахьеи Ҭабзала ақыҭан анҭыҵгьы
инаҩхьан. Акәымжәы аԥшьқәа амаӷ бардреи аасра еилачыреи шаҟа иацрыханы ицәыркәыкәааз, иқыҭа дналҵ, шаҟа
хара дцаны аԥҳәыс диҳәаз, дааигаз, хьӡи-ԥшеи анамаз

аамҭақәа ракәызҭгьы, Аԥсны аҵыхәан инхо џьара Бесланк
иҽи икәадыри лара лзыҳәан инеиқәиҵахьазаарын. Аха
уажәы акаршәрақәа ирымаз аԥсуа қыҭақәа рыԥсҭазаара
аҽаԥсаххьан. Ахаҵара даҽа усқәак рҿы ирбо иалагахьан
агаҿа-уаа рарԥарцәа.
Адгьыл «қәыԥсычҳауа» аԥхарра иазыԥшын. Иаауан иаргьы, агаҿантәи амшын ихыҵуаз аԥша иаманы, иаауан аԥсҭа
еиҩыхаақәа ирҭысны, ииаҵәаӡа аҽеилаҳәо, ахаҿы ахаччауа... Иазҳауеит аҟәараса аҭра ишыхтәалоу, амҵәыжәҩа
ӷраҷкәынқәа ӷәӷәахоит. Аԥырра – абри акәхоит иара абзиабара, иара аԥсҭазаара. Ахра ҭакнаҳақәа дыркыдзар акәхап
иара, ибырфын хҭарԥа шәыршәыруа. Аҽырыҩраан аԥхьахә
иманы дҭалеит, лаҳәаҵас адгьыл аҽеиуатәны иҽы шнеиуаз,
днышьҭасын, иаашьҭиԥааит нацәхыԥк иаҟараз аҟәрышь.
Урҭқәа изымхазар акәхап. Дарбан уаҩы гәымбылҩу убри
раԥхьаӡа изыӡбыз: ихьӡ зларҳәаша хаҵарак ҟамҵакәа
аԥҳәызба ажәа лынҵарагьы дақәиҭымкәа... Игәазымҭоз
иакәмызт лыԥшышьа. Лашьцәа еиқәных илыкәшаны игылан,
лацәажәарҭа абаҟаз, иара ус, иааимҩатәшәа дналывсуаны:
«Бсыԥшаауеит... Бахьыҟазаалак», – иҳәан, аԥсаатә мҩас
иаҿыҵшәаз жәлаҵас, ҩажәак неиҳәеит. Издыруада, лара
лакәӡамзар урҭгьы зеиҳәаз... Шаҟаҩы гыладаз уаҟа лара
лҩызцәа! Аешьа дызмам – нцәа дызмам диҩызоуп рҳәа­
хуеит. Урҭ – рхаҵкы рыԥсаҵкы, аха асҵәҟьа убахьоу! Аӡәы
наиацәажәашьа ыҟам...
− Ҳе-ҳе-ҳе, – цәыҵаччабжьык аалаҳаит. Аҟәараса ам­
ҵәыжәҩақәа еидыԥсаланы адгьыл ахь иналбааит. Шьазина лхәыцра дналҵны данаахьаԥш, лабҷашь хәыҷык
лыҵарсуа дааиуан Хьыса. Дшаалбац лыхцәы еилажәжәа
иаҵыԥшуан лкасы. Абжьааԥны аҵкыс иахьа иаҳа лыбӷа
хәазшәа лбеит Шьазина. Ахәышҭаара арцәага абз лҿоуп,
аӡәы цәгьарак абаизызури ҳәоуп адәы дшықәу ҳәа, бзиарак
шылзырымҳәозгьы, Хьыса лышҟа цәанырра ҟәандак еснагь
лгәаҵа иҭан Шьазина. Иҟаларын, амҳаџьырра дшагаз,
ауадалықь аҟнытәи лыԥсҭазаара, уинахысгьы илхылгақәаз
ахьлалҳәауаз ирхылҵзар уи арыцҳашьара злаӡҩаз агәыбыл-

ра. Ишыҟазаалак, Шьазина лылабжыш хаҟәҟәалон, аҭакәажә
хәыцк лҿашәазшәа, уажәы-уажәы дынкажьцәо, дзықәшәақәахьоу данрылацәажәоз.
− Ашарԥаз амра ашәахәа иазцәырҵма ақәасаб? Қәыџьмак
иафоит, ақәыџьма, ҭфу! Ҳе-ҳе-ҳе! – лҳәеит Хьыса, икамԥсакәа
иаанханы иҵагылаз лхаԥыцқәа нышәԥшшәылаӡа лқьышә
кыҷқәа ирҭыҳәҳәо.
− Бабаҟаз ас шаанӡа, нанду Хьыса? – лхы-лҿы лхаччо
дналԥылеит Шьазина.
Лӡамҩақәа еилԥхаауа, деихышәашәо лаԥхьа игылаз
аԥҳәызба данлыхәаԥш, шьыцрак налылсит Хьыса.
– Сабаҟаз бымбои, сшәарыцоит, ҳе-ҳе!
– Нанду Хьыса, баныӡӷабыз ашәақь бнапы инықәырсны
бхысуан рҳәоит, ииашаҵәҟьоума?
Иҟәандаӡа лгәы инықәлеит «нанду» ҳәа ахьлалҳәаз. Рқы­
ҭаҿы абри аԥҳәызба лаҟара дразны аӡәгьы длацәажәом.
− Сегьхысуан, аҽгьы сақәтәон, акгьы исмыхәеит бымҳәозар. Сара сыхәмарӡом, Шьазина, сшәарыцарц аҩны
сдәылҵыҵәҟьеит...
− Шаҟа бкьатеиах ԥҵәагоузеи, нанду Хьыса! Блабҷашь
алоума бызлашәарыцо? – лҳәан, Шьазина аҭакәажә ллаба
аалымпыҵԥаан, илхыкны ирхәо, дкәашозшәа днықәгьежьааит.
− Сзеишәарыцода? Бара! Ус былақәа ҭыршашаны бсыхәамԥшӡан. Сара бара бзыҳәан, ҭфу, иахантәарак смыцәазт,
сылацәақәа ҭакәаҳа сҩагылеит ашьыжь, ҳе-ҳе, ҭфу! – лых­
цәышла еимбӷьыжәаауаз, уажәы-уажәы лкасы инавҵалыџьгәон.
− Сара сзыҳәан бмыцәану, нанду Хьыса?
− Ааи, ааи, бара бхаҭаҵәҟьа бзыҳәан. Ииашаны ирҳәоит
ажәытәуаа, аӡӷаб ианлызҳа, ма аӡәы диҭ, мамзаргьы анышә
даҭ ҳәа. Шаҟа агәырӷьара лыцу, убриаҟара дегьхаԥыц
хьаауп.
− Аӡәы сирҭар иаҳа еиӷьзар ҟалап, нанду Хьыса, анышә
сарҭар аҵкыс! – лҳәеит Шьазина, акыр-кырҳәа лыччабжь
шьыжьтәи аҳауа ҿыхаа иналаҵо. Лцәа иалашәеит аҭакәажә
џьара акы лалҳәарц дшааиз, уи азоуп днахыкәша-аахыкәшо

дзалагаз. «Издыруада, шәарыцарантәи дхынҳәызар, ибырфын
хҭарԥа шәыршәыруа. Зегьы рҿын ус дыҟоушь, ихы дҩаханы,
иҽырԥагьа... Инаимҩатәны акәхуп дышцәажәо..»
− Акы сбазҵаашан...
− Изакәызеи, нанду Хьыса?
− Башьцәа аӡәыр дыҟоума аҩны?
− Иҟаӡам. Нана лоуп иҟоу, баала аҩныҟа. Ажәқәа ашҭа
иҭасцалар ҳаиццап, – лҳәан, Шьазина аҵлақәа рымҵан итәаз
ажәқәа рышҟа лҿыналхеит.
− Уахь снеиӡом. Бан Мактина уиаҟара сшылҭахқәам бдыруеит, уажәы сышбацәажәо лбар, лхы лыхнахуазар акәхап. Уи
иазаауазеи... Бара ажәак баҳәатәыс исымоуп. Бааишь, араҟа
ҳнатәап... – зцәа зхыԥԥы икажьыз ауахәа днықәтәеит Хьыса.
– Шьазина, сара бара бысҭахымзар, џьаҳаным гыларҭас
исоуааит. Ани бымбои, адәаҿы иқәиааз ашәҭ, – дәышәҭк
лнапы нақәлырххеит, – ааԥшра иасакьаҳәымҭанаҵоуп афҩы хаа анаху. Ишнеиуа, аамҭа цахуеит. Саргьы еснагь абас
сыҟаз џьыбшьома. Аҵәаԥшь бҿыбшьуеит рҳәон, сыгәра ргомызт, убас ашьа ԥхеиԥхеиуа ирықәын сӡамҩақәа, уажәы
бахәаԥшишь, аҳаҭарҵә иаҩызахеит сцәа-сжьы. Ибаҳахьоума
зныкыр ӡӷабк лашьцәа баҳԥырҵны хаҵа бца ҳәа ларҳәеит
ҳәа. Урҭ дара ртәы рҳәоит. Ибыцәшәоит хьӡы бааԥсык
бхымландаз ҳәа, уаҳа акгьы. Даԥсаны башьцәа ирывагылаша
уаҩԥсуп иара.
− Сара ахаҵацара саргәаҟуазаргьы быздыруам, нанду
Хьыса. Мап скыр ҳәа бзацәшәозеи! Исаҳәа, дызусҭада иара? – дыччон Шьазина.
− Бара алаф албхуеит, иара иԥсы бнапы ианиҵоит. Сара
ахацәа абзиабара иаанахәо збақәахьеит, аха уи бара
дшыбҿынҵәаауа еиԥшҵәҟьа аӡәы деиланагахьаны смаҳацт.
Ишьамхы арсны скалҭ дагәӡуан, сбацәажәарц азыҳәан
мацара. Иацы, аҳабла зегьы ҳаԥхеибарс ҳзышьҭаз алаапк
анаҳшь, нас, ибгәаларшәеи ҳхынҳәны ҳанаауаз, ахацәа
дрылҷҷаауа ирылагылаз ани, ахаҵа ӡара еихытар? Ашьацқьа
дшалҵыз мҩашьо..
Аԥсыцқьа зхоу ԥааимбарк иӡбахә далацәажәозшәа Мырзаҟәыл ирҽхәара дналагеит Хьыса. Иаалҳәоз зегьы лара

лхаҭа агәра ганы дыҟан. Дааҭгыланы еиқәыԥхьаӡо, лыблақәа рыла илбаҵәҟьазшәа, дрылацәажәеит иҽуахьад, аа,
ааигәаҵәҟьа зықьхы ианреиҳаха, иԥсаса шәкы аарылырхын
абна ишыларҵаз, шаҟа ҭӡы иара ихәы аарго.. Илхалмыршҭит
иара иуаҩышьа ҟәымшәышә атәгьы. Иҿаԥсшәа убас ихаауп,
убас дуаҩы гәыԥшқоуп, убла дхызар дхухрым. Уажәы аамҭалашәа араҟа, ҳаԥы лашьцарак иаҩызоу ақыҭаҿы даанагазар, ахаҵа дызқәымшәо иҟоузеи! Уаа тәитәыхқәак Асҭар
ақыҭа хыла-гәыла еиларҵан, иара ихы рыламгалакәа, наҟ
дырԥырҵит. Уи аамҭалоуп, аӡгьы ахьышьҭрахь игьежьуеит.
Ауаҩы, зхьышьаргәыҵа ҳакәыхшоу дишазар аахыс иаԥиҵан,
ԥсахшьа амам, иаԥуп. Аҵлақәаҵәҟьа, дгьылкоуп изқәиаауа,
мракоуп ирхаԥхо, арахь урыхәаԥшыр, акы ашәшьыра егьи
ыҵагылазароуп. Даҳкәажәха, лмаҵуцәа лымаҵ ауха рибамҭо
илымазарц зҭахым дарбан ԥҳәысу.
– Иқыҭан акы иалаҟоу уаҩхап уи, нанду Хьыса. Аҭаҳмада Мардасоу иҳәон, ижәлала, ииашаҵәҟьаны ашьацқьа
иал­ҵыз аӡә иоуп ҳәа. Дышуаҩ ӷарым, иеилаҳәашьа, ича­
ԥашьа рылагьы уаҩы ибоит, – аҭакәажә, лықәра аҳаҭыр
бауа, дыԥхашьа-ԥхаҵо даацәажәеит Шьазина. Дназхәыцын,
аҳәара шылцәымӷызгьы, инацылҵеит: – Нанду Хьыса, сара
ибхыбгахьоу агәырҩа ҳаҭыр ақәысҵоит, қәрала ибхыҵуа
саԥшуеит, ас еиԥш гәҭыӷьӷьаала бзыхцәажәаз ауаҩы изыҳәан
аҳәара саҭәам, аха санынеиҿаԥш, сгәы иааҭашәаз сызбыцәӡом,– аҭакәажә арсҟак ибзианы дзыхцәажәоз ауаҩы изыҳәан
лара лгәы иаанагаҵәҟьоз лҳәар, иԥшӡахарымашь лгәахәын,
даалакҩакит. Мҳәашьагьы лымам. – Бара дыбҭынхазаргьы
сыздыруам, Хьыса...
− Мамоу, нан, жьрацәара ҳабжьам. Иара ус, уаҩышьала
дысгәаԥхеит, – лҳәеит аҭакәажә, кыцхыр мгьалк ҭаӡартә
лыҵкы иҿаз аџьыба лнапы нҭалҵан, илцәыӡзар ҳәа дацәшәо,
иаалырҟәыҷит ақьаад ԥара ҟьаҟьа. Иаха Мырзаҟәыл ианлиҭоз изакәытә ажәа хыркқәоузеи, уҳәарауеи, иациҵаз: «Ахәшә
ахьыҵырхуагьы џьыкацк кадыршәуеит, бара быхәшәхароуп
сара сзыҳәан!»
− Иҳәа, нан, иҳәа, иара изыҳәан бгәы иаанагогьы саб­
ҳәароуп, насгьы ажәас изыбыцҳауа, – лҳәеит Хьыса, лызхара
лџьыба аԥара анҭалырҟәыҷы ашьҭахь.

− Иацы, цәажәарала даныхҭарк, иара иԥшышьа злаҟаз ала,
илшозҭгьы, урҭ ауаа зегь ифарыз џьысшьеит, – убри анаалҳәа,
иара зынӡаск лгәы дышҭаӡамызгьы, лаԥхьа даагылазшәа
лбеит бырфын хҭарԥа. Маӡак ицәылҵәахуаны дақәикызшәа,
лӡамҩақәа ааҿыҟаԥшьааит. «Дара урҭ аҩажәакгьы сара
сакәӡамзар ҟалап изеиҳәаз... Ааи, ааи, сара сакәӡам, нас
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 19
  • Büleklär
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3316
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2349
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3340
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2352
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3345
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2250
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3328
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2316
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3385
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2344
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3340
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2306
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3345
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2368
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3324
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2290
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3285
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2281
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3325
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2308
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3339
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2313
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3318
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2348
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3280
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2285
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3350
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2310
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3316
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2353
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3308
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2351
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3323
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2369
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3363
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2349
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 19
    Süzlärneñ gomumi sanı 3351
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2342
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 20
    Süzlärneñ gomumi sanı 3304
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2412
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 21
    Süzlärneñ gomumi sanı 3400
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2398
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 22
    Süzlärneñ gomumi sanı 3355
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2328
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 23
    Süzlärneñ gomumi sanı 3464
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2309
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 24
    Süzlärneñ gomumi sanı 4490
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1950
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 25
    Süzlärneñ gomumi sanı 4507
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1947
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 26
    Süzlärneñ gomumi sanı 4637
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1904
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 27
    Süzlärneñ gomumi sanı 3881
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2004
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 28
    Süzlärneñ gomumi sanı 3326
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2241
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 29
    Süzlärneñ gomumi sanı 3292
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2241
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 30
    Süzlärneñ gomumi sanı 3355
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2227
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 31
    Süzlärneñ gomumi sanı 3411
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2257
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 32
    Süzlärneñ gomumi sanı 3351
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2322
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 33
    Süzlärneñ gomumi sanı 3328
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2331
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 34
    Süzlärneñ gomumi sanı 3423
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2326
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 35
    Süzlärneñ gomumi sanı 3404
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2300
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 36
    Süzlärneñ gomumi sanı 813
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 627