LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 16
Süzlärneñ gomumi sanı 3308
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2351
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Петрович, аха саргьы уск аԥашәқәа рыԥшаара саҿуп.
– Убригьы цқьа иузеилкааӡом ажәытәтәи шәҭоурых
узымдыруазар, – иҳәан, дҩагылеит Петрович. Дзааз сзымдыруа сыҟазма. Дамшә иахаз аҷапырхәа наисыркит.
– Уца Матенадаран, аԥсуаа шәҭоурых аерманцәа иҵәахны
иҳамоуп, – иҳәеит аерманы.
Урҭ шцаҵәҟьаз, стетрад аартны акарандашь нақәыскит.
Схаҿы иаазгеит абасеиԥш сахьак. Салгахит бареи сареи
ҳаицәыӡра зыхҟьаз зегьы аартны. Бара ибыгхаз, сара исыгхаз,
нас адәныҟантә иҳасыз аԥшацәгьа уҳәа зегьы ҳариааихит. Ҳажәны, ҳхаҟә-хаҟәӡа, ҽнак ашьыжь еицеиқәаҳҵаз
ахәышҭаара ҳаҽҳәатәоуп. Иҳакәаӷӷа иҳавагылоуп ҳмаҭацәа. Ишәымбои, дадраа, изхаразаалак, ҳаицәыӡны ҳа
ҟан акыр шықәса, аха зегьакоуп, ҳхәышҭаара ҳмырцәеит, зегьы ҳариааины ҳәа ҳналагоит, инеимда-ааимдо,
ихшыҩырҵаганы... Зыԥсы ҭоугьы иԥсхьоугьы џьаҳаным рҭыԥ
хароуп бареи сареи ҳиаанӡагьы ҳхәышҭаара аӡы ақәҭәара
иалагаз!.. Сыҟан абас, Адица. Шаҟа игәышьҭыхгоу бдыруоу
ухы анужьо! Узгәык иадыруеит амц шуҳәо, аха, зегьакоуп,
егьи азыбжак амҵәыжәҩа аанахәоит.
Ҳзауад аҿы нхарҭа ҩын дук аргылара иалагоит. Арзаҳал зҩит.
– Иуаҳҭоит, уаԥсоуп, – иҳәеит адиреқтор, ажәа «уаԥсоуп»
ҵакы маанак наҵаҵаны. Иара ҵакыс иеиҭазаалак сара исаҳаз
сгәы иахәеит. Усҵәҟьа дуаҩы бааԥсым. Ҳәарада, издыруамызт
аибашьраан афашистцәа дышрыдгылаз Самсон Григорич.
Егьи, иара ихаҭагьы «снабжениа» ахьизиуаз, уи нас уажәы
ус... Иабасҭаху, сусс иалоузеи... Сара уажәы сзызхәыцша
Дамшәи зыҟны сыҟоу аԥҳәыси ахьеинсыршәашоуп. Урҭ
хыбрак аҵаҟа изеицыҩнало иҟалар, ауада шаасоулак, арахь,
дахьҭаҩу лхаҵа длыманы дхынҳәааит баҳәшьа, бареи сареи
ҳцап ҳәа... Дызгап дсыццозар, мап анакәха, сара сцеит
сҳәап.
Сыԥшаарақәа сырҟәамҵыр... Аԥҳәысласы ахаҳә лгәыдҵара, сара сакәым, сызхылҵызгьы ирылымшозаап. Сызхылҵыз сҳәахит. Бара, Адица, баԥхьаҟа Анцәа дыбԥигалааит,
аха сара макьаназ сиқәымшәагәышьац ахаҳә иршәыр,
иааҳәны схы иаахоит ҳәа имшәо. Иазсырхар сыбзиабара
иасҭаз аҳалал?
Бысхасыршҭит, Анцәа иџьшьоуп, «счымазара салҵит»
ҳәа сшыҟаз, сыбла иаахгылеит... Изысымҳәарызеи, сыбла
баахгылеит. Амра иацны ишаауеиԥш ашара, ибыцны иаацәырҵит былабара аҵкыс еиҳамзар еиҵамыз гәалашәарак.
Иџьабшьашт иарбану басҳәар. Сназхьит...
...Аҳабла ахәыҷқәа ҳахьеиқәшәоз ахәадақәа, ампыл
ҳахьасуаз адәқәа, реиҳа изычҳауа ҳәа ҳазҵагылалоз аӡыхь
хьшәашәа, ашколахьтә ҳанаауа, ҳаҽӡаны маӡала иҿаҳхлоз ашәырқәа, ҳаныҩеидас, зымҵан ҳтәалоз ҳахьаца-ҵла...
Зегьы наҵарӡны, снамҽханакит ашәа анаҳҳәалоз, ҳаныкәашалоз агәаларшәара. Илахҿыххон ажәҩан, иҭабуп
ҳәа ҳаҳәо, ихырхәон ашьхақәа, аҳабла аҿар ҳаизаны
шәаҳәарала, кәашарала ргәы анҳарҿыхалак. Ашәаҳәара,
акәашара уазхьызар, уахьыҟоу ушәаҳәала, укәашала, аӡәыр
дуԥырхагоума бҳәашт. Иҳамоуп араҟа аклуб, аха Адица,
ашьхақәа рымҵан ишьҭоу ҳара ҳқыҭаҿы ушыкәашои, ушышәаҳәои, иауам, узышәаҳәом, ус узыкәашом даҽаџьара.
Иҟазаап убасеиԥш ашәыр хкқәа, иааҵхны агәылара еиҭоуҳаргьы, акымзарак ҿалаӡом, уи гылазароуп иахьиз. Сгәанала,
Аԥсара зцәыӡыз, раԥхьаӡа ицәыӡуеит ашәаҳәареи акәашареи. Адунеи аҿы иреицәоу ацәгьоурақәа иреиуоуп иузгәакьоу ашәеи уареи шәеицәыӡра...
Адица, зныкыр ибызцәырҵхьоу, ихәыжжаӡа еибаку аԥырӷы
снапаҿы иааныскыландаз ҳәа агәаҳәара. Иуҿаԥха-ҿаҷҷоит,
ахьҟәыршәа иаҩызаха икәалыкәаџьоит, харантәи уарԥхоит,
иаанукылар уабылуеит. Убасшәақәа ҳаизыҟалеит Аԥсареи
сареи. Даҳгап Мери. Дызбалар, слацәажәалар сҭахуп, аха
дшаазбалак, ишысҭахӡам, сгәаҵаҿы исырцәарц сызҿу амца
неибакуеит. Исызгәамҭаӡакәоуп ишеибалыркуа. Мирониԥа изыҳәан агәырӷьара аныҟаиҵоз, слакҩакзаргьы (иаб
гәҩарас дахьыскыз, иԥа длашәны дахьиз харак сыдушәа,
сара избо алашара схы ахыбаауа), сцеит инықәыршәны.
Иаасымҩатәны сныдгылеит Мерираа рҿы. Ҿысҭит агәашәаҿы. Амаҵурҭа даадәылҵит лкалҭ сабик дахьынҳаланы.
Иҟоуп аарыхра азыҳәан Анцәа иишаз адгьыл. Мери Анцәа
дишеит ахшароуразы.
– Мери ԥшӡа, Мери ахцәы қамыз, бара банызбо, бара
«подруга днеи моих счастливых», сара сшыҟало басҳәап?
Бсымбар ахьҭа сагоит, бызбар сбылуеит. Бызцазеи бара хаҵа? – сыбз ашьшьыҳәа аҭра иҭаскызҭгьы, исаҳаз саҳауазма.
– Аԥсаратәыми рыцҳа, иумбои. Пушкин ихшыҩҵак нарҳәы-аарҳәноуп ишуҳәаз! Мои друг бесценыи, ахацәа зегьы
нҵәаргьы, сара уара суццомызт, – лҳәеит, ибаҳац лыччабжь
ала, акыркыр дыччо. Сара исмаҳац убри лыбжьы аҟара ашәа
зҵыҩуа абжьы.
– Избан аԥшӡа-ссир, убриаҟара сбааԥсума? Сыԥшрассахьа!..
– Уԥшра-усахьа зысҭахузеи, иаацәгьарахар сызуқәымгәыӷуазар.
– Арбаӷь хынтә ҿнаҭаанӡа мап бцәыскуеит?
– Хынтә акәым, знык ҿнаҭаанӡагьы, – илҳәоз шаӷьызгьы,
ашәа шаҵҩыц аҵыҩра иаҿын лыбжьы. – Сара аказы суҳәоит,
уара даҽакы уашьҭоуп. Ахеивҟьа ишаҳзиҳәаҵәҟьо уҟоуп.
Аԥҭа ипатреҭ аакыдхны Маҵкәа лпатреҭ кыдышәҵа иҳәеит.
Убри иаҳа даԥсоуп. Аԥҭа аџьмақәа ҭахар ауал ҳақәшәоит ҳәа
асыԥса дықәлеит, уи ихьӡ шәамҵаныҳәоит, Маҵкәа лыԥсы
ҭасгьы шәыҟаӡам, шәара, ахшыҩ-ааҳәқәа иҳәеит.
– Аиаша иҳәеит Ахеивҟьа.
– Алиас, уара ауаҩы иаҳа иахьихьшоуп уахьақәԥало. Анцәа
дыҟамызҭгьы, ҳара ӡбатәыс дҳауан иҳәеит философк. Аԥҭа
дрыӡбеит аԥсараа. Ахеивҟьеи уареи шәидызцалазеи. Уара
узызхәыцша, иуҩыша... Улымҳа уаахи. Ирлас уара, абзамыҟә.
Ирласны ашәҟәы лызҩы Адица. Ахеивҟьа ичараҿы Мирон
узнеигаз ашәа шуҳәо, ушыкәашо лурбарц азыҳәаноума?!
Днаскьаԥхьаны, уҿы ааихых, уаҩҵас акы лоуҳәарауаз.
– Убри акәын исыгыз. Аруҭан ишизыруз еиԥш сышьны
сылкажьны, лара, лан леиԥш ақыҭа далцаны... Аха уеизгьы,
Мери, бара ианыбҳәах, даҽа еилкаатәқәак сзынхеит, ишааилыскаалак, изҩыз набыҭаны, саргьы насыԥк снашьҭалап.
– Даҽа насыԥдарак ныҟауҵап, – зегьа коуп ашәа аҵыҩуан
лыбжьы.
– Ишыҟоу бымбои, «подруга днеи моих счастливых»,
анасыԥ зшаз убасҟак имаҷны ишеит, зегьы ирызхом. Бца,
бхәыҷы иҵәуабжь ааҩуеит, – уаҳа бзиала ҳәагьы нарамҳәа
кәа, абарҭ ажәақәа шаасҳәаз, сымҩа инансыршәлеит.
Мирон иашҭа санынҭала инаркны, абаҳча сыҵыԥшны,
сааҟәымҵӡакәа аџь гәаҩа еиӷрыкка иахьгылаз сыԥшуан.
Хәыц еиқәаҵәа зламыз ауаса шкәакәа ишьит.
− Акрызлаҳфаша, ҳазлеибабаша ачанаба бзиа ҳауит, –
Мирон ихаҭагьы алаф алихуан. Аӡәгьы далацәажәомызт
асаби иблақәа ишырымбоз.
− Умра каҷҷара, ужәҩан гәыцқьа, ушьха ҳаракы ԥшӡақәа,
умшын гәиаҵәара... Абарҭ зегьы ушеит ухьышьаргәыҵа
сакәыхшоуп, абри асаби, агаранҵа, сара суҳәоит, убарҭ зегьы
рбара далыхәдаумтәын, – даҿын аныҳәаҩ. Саргьы сгәанала
сицныҳәон. Ауаса агәи агәаҵәеи ахаҵаны арасатә ҵәы икын.
Арасатә ҵәы... Арасаҭра сыҵыԥшны, еиҭах абаҳчахь саанаԥшит. Аҩы зҭабаз аеҳәеиԥш, аҩныҵҟа зегьы ҭиқәаҵәааӡа
иааԥшуан аџь гәаҩа. Слымҳа иҭаҩуан Гәдиса иажәақәа:
«Ашьжьымҭан саннеи, абаҳчаҿы аҳаԥшьа ыҵхны даҽаџьара
ижызаарын, анышә аимаԥсара даҿын». Аҩцараҿы Мирон
аҩы анхитуаз даара срыхәаԥшит, аха иныҳәа ҳаԥшьоуп
ззуҳәаша, ҳаԥшьа хәыҷы ҳәа акгьы ыҵам.
Сааҟәымҵӡакәа сахьыԥшуаз гәеиҭан: «Аӡәыр длаԥшыхәны думоума, Алиас, убраҟа?» – иҳәеит.
– Уахәаԥш, ихыжәжәарахӡа, игәаҩаӡа, абнахьхьи игылоу
аџьажә. Наҟ иҵхны илкаужьыр, аӡахәа зқәуҵаша ҵлак, ма
шәырк еиҭауҳар ауеит.
Раԥхьа ианысҳәоз заа сазхәыцны, цәгьарак аҵаҵаны
исымҳәеит. Сҿы инҭшәеит, ԥшахь хәыҷык насыр ишҿшәо
еиԥш зышьаҭа ҿҩаахьоу абӷьы. Уимоу, иҵҳәаны иахьысымбо
иганы икаижьыр, сҩызеи сареи иҳабжьахаз џьара лашьцарак наҳабжьыҵрашәа збеит. Аха ашьҭахь, аҵәыцақәак
анызжә...
– Саргьы иаақәыскқәахьан, Алиас, иҵысхырц. Аха ирыц
ҳасшьон. Аҩныҵҟа иҭаланы тәарҭас ирымоуп ҳлақәа. Аха
уара иануҳәа, иубалап иазызуа. Иааҵхны аҭыԥ аҿы ухьӡала
аҵәа еиҭасҳауеит.
Ҳгәырӷьеит, ҳаччеит, саргьы, гәыкала, сазыразны асабигьы
иаргьы бзиарас иҟоу зегьы нарзеиӷьашьаны ашҭа санҭыҵуаз,
аџьажә гәаҩа снапы нақәкны еиҭах:
− Ажәа суҭеит, Мирон. Наҟ иҵҳәаны икажь абни. Сара
сыхьӡала акәым, аха уҷкәын ихьӡала, сара снапала иааганы
шәырҵлак еиҭасҳауеит уаҟа, – сҳәан, сыгәҭыхак наӡазшәа,
иныҵак ашәак аацәырызгеит. Сцарц сҭахын Мирон иблақәа
сырхымԥшылаӡакәа. Агәашәаҿынӡа сааскьеигеит. Ҳанеиԥырҵуаз, цқьа сазырхәыцны, ус ҿааиҭит: «Алиас, уаби сареи
уск ҳгәы иҭоуп. Иаҳҳәо уахымԥароуп».
− Ԥҳәыс дысзаажәгома?
– Алаф ҽазны иуҳәалап. Уқьаф ҭоуп, аха исҳәо ухоумыршҭын. Ҵас бзиак ҳаман ажәытәан. Ашьашәара.
− Сара аӡәгьы ишьа сыдым.
− Иудуп. Заманалаҵәҟьа иудыруеит иуду. Аԥсараа иуанарыжьуам.
− Сара иранасмыжьуа сымаӡами убарҭ, аԥсараа ҳәа
узҿу?!
– Уаҟәыҵ. Уазхәыцла. Ажәа бзиа иалымшо егьыҟам.
Сшааиуаз анышәынҭрақәа саарывалеит. Снымҩахыҵит.
Шаҟа гәыбылрала иҟаиҵазеи агранит ҭаԥҟаны, Аԥҭа ибарелиеф ҟазҵаз. Ирҳәоит, иҭынхацәа мааҭк дмыршәакәа,
напеилаԥса ҟарҵеит ҳәа анхацәа. Абар уи ивараҿыҵәҟьа
Аруҭан... Ииашоушь уи изыҳәан Мсыгәда илҳәақәаз? Ҳәарада, бзиа илбоз, илхыршьааз ауаҩы хшла икәабара дашьҭан, слызжьоз џьылшьеит. Илхашҭит ауаҩы игәы иҭоугьы
ибз иқәкугьы акоуп ҳәа саныҟаз ашықәсқәа сшырҭысхьаз.
Уиҵашьыцыртә дыҟоуп Аԥҭа ибарелиеф ҟазҵаз аскульптор.
Ибаҩхатәра акәым, иҟаларын, иԥсҭазаарагьы ихҭниҵар
ифырхаҵа. Издыруада, убри акәзар анасыԥ зыхьӡу?!
Сыццакуан ақыҭа салҵырц. Даҽаӡәы ихароу ихарам,
дахьиашоу дахьиашам аилкаарақәа раҵкыс, ухаҭа, Алиас,
иуду ахара... Иумаҳаӡеи Мирон иуеиҳәаз? Иҟаҵатәузеи,
Алхас бзиарас изутәузеи?.. Иарбану ажәас иаҳәатәу? Схы
ласмырҟәуаны акәым.Исхароуп,сшьамхгьы асырсып иҭахызар.
Уи ԥхасшьом. Аха ишԥасҳәо? Дзыхурҟьазеи, дзыбӷоуҵоз
иара, Маџьгана ҳәа аӡәы дсазҵаар? Иҟоу аиашаҵәҟьа сҳәар...
Иарбану аиаша зысҳәара! Аиаша иҳәома, абырг бзиа, аҟәыӷа
ҳәа ҳаҭыр зқәырҵо Гәдиса? Аныҳәа ҳаԥшьа еиҭаганы изжит
аниҳәа Аԥҭа, уаҳа акгьы еибырымҳәаӡеи? Иҵхны аиҭагара
акәым, ауаса шьны, иахымныҳәакәа аҳаԥшьа ахыртлараҵәҟьа шҵасым заманалаҵәҟьа идыруан. Аҵх иалагәаны еиҭаганы иужыртә узыниазеи ҳәа дышԥаимазҵааи. Исгәаласыршәо салагеит даҽакгьы. Ацәгьара зуз имацара иакәым,
ацәгьара иуит ҳәа гәҩарас думаны, данеиҭоумҳәа, ухаҭагьы
уақәӡуан зҳәада? Гәдиса. Аруҭан иус анырыӡбуаз, шаҳаҭцәас
ирыԥхьеит. Ишԥеиҳәеи Гәдиса? Шаанӡа аусҳәарҭаҿы снеит
ишеибаҳҳәахьаз еиԥш. Иԥсы иахимырӡааӡеит ашьжьымҭан шаанӡа Аԥҭа иҿы дышнеиз, уаҟа иибаз. Ацәгьара
еицырузар? Иара ихаҭа дыбӷеиҵазар Аԥҭа? Убри азыҳәан
акәзар шеишықәсеи рыбжьара знык деилагоит ауаҩы ҳәа
дааҟәымҵӡакәа изиҳәо? Ҳаиҟәаҵып аҭаҳмада. Диашоума
Мери? Уара иухароума, лара лоума изхароу ишакәхалак,
шәара уажәшьҭа шәымҩақәа хазы-хазы ицеит, иҟалаз ҟалеит.
Ишубо, Адица дҭаацәароуп, уаргьы ухы уахәа, насыԥк ԥшаа
ҳәа лҳәар... Убри акәӡами аиҩызара зыхьӡу? Лара раԥхьаӡа
ауаҩы дзырҩашьаз аџьныш-қаҷаа диеицәаха, иаҳа-иаҳа
салалхалоит аԥсараа реиҳа иламысдароуп ҳәа ирыԥхьаӡо.
Ауаҩы игага ицымзар ԥсыхәа шимам еиԥш, Дамшә ада
ԥсыхәа шсымам агәра анылга, аҩны иахьыҟоу данышәагәышьеит, лгәы калыршәит иаргьы саргьы зыҟны ҳкыдтәалоу
аԥҳәыс. Лара илычҳауеит, аха иабаҟоу, абнатә рбаӷь аҩнатә
рбаӷь дәылнацон ҳәа, иара иамуит, илнымшәеит. Афатә
аналҭалак, инафҩы-аафыҩуеит, иаалыхәаԥшуеит, иацәшәаацәшәо афара иналагоит. Рыбӷьыцқәа зынӡаск иааԥжәеит,
ҽнак, сара сыҟамкәа, «лҩыза гәакьа» данааи данаанамышьҭ.
«Иахьырыпҟоз абжьы саҳауан», – иҳәеит Петрович. Ацәгьарагьы ахашҭуам, абзиарагьы. Иҟалап, сара сеиԥш иаргьы
иацәыӡыз, изылхәдахаз ахьырацәахаз иахҟьаны, гәаӷк
азцәырҵызар. Ҳгәылара ԥина лаԥск рымоуп. Еихәмарлоит.
Аԥсабаратә гәаҳәарақәа анҿыха, Дамшә агәаԥхазаап аԥина.
Иҵыхәаршәшәо Дамшә амгәацәа иҵагьежьит, иҵахәмарит,
аха бара сара сҟынӡа бзымҩаӡозар, сара сшьамхы сзарсгәышьом аҳәан, Дамшә агәаҳәара неиқәыцәеит. Агра
бааԥсқәа иреицәоуп, ашьжьымҭан шаанӡа, усура ацара анҳақәымгьы, иара ҳарҿыхоит. Ашә иадхоит. Адәахьы иумгар,
ақьаԥҭа иқәхазшәа, иҟууа ашра иалагоит. Ҳааиуан ус, аха ари
ашьыжь, иара, ԥсаҭа шкәакәа, зынӡа ианаамҭаӡамыз, реиҳа
аԥсы ӡаны иантәашаз...
Баҳәараҵәҟьа сылшом. Еидикыло закәызеи бҳәашт, бысхыччашт, аха сара сааизар сҵәуахьеит ҩынтә. Знык, ибасҳәахьеит, уаҳа уахь сыҩнамло акласс сдәылҵны санцаз,
егьи – Дамшә анҭахаз. Аха ари, аҩбатәи сҵәуара лаӷырӡыда,
иаҳагьы еицәан. Иҟалап, ала мацара акәымкәа, еилалақәаз
рацәазар. Сара исыхьыз сзымхозшәа, ажәа кьынаак сазымҳәацыз Петрович: «Иузеилкаауазар, ахы ухҭнаҵеит», –
иҳәеит. «Уара насыԥ умазарц азыҳәан Адица хаҵа дцеит», –
ҳәа Мери исалҳәаз иаҩызахеит аригьы. Ушәшьырада ԥсыхәа
сымам сҳәар, аҵлаҵәҟьа хҩаауазар акәхап. «Ахы ухҭнаҵеит...» Иҟалаз, ишыҟалаз басҳәап, нас бара ҳаилырга.
Уаҵәы иаашар Дамшә ҭахараны уахеиԥш, еиҭах рыгәқәа
нибархазар акәхап аԥшәмаԥҳәыси иареи, аҵх цахьаны
санааи, имгәырӷьеит, имҵыхәаршәшәеит. Хәылԥазык ҳаман.
Убри аухоуп ианызба узеилаҳаша аҭыԥҳацәа шыҟоу ҳзауад
аҿы, ашәа шырҳәоз, ишыкәашоз ббандаз. Сшааҩналаҵәҟьаз
афатә насҭеит Дамшә. «Иҭабуп» ҳәа самҳәаӡакәоуп ишафаз.
Аԥшәмаԥҳәыс дышьҭалахьан. Сара суадахь сышьҭалазҭгьы...
– Уцә, аҵх цахьеит, – лҳәеит лара, сшынышьҭала ҽырҟәымшәышәраха иансыс. Сҽаарҭынч, схы снапаҿы иаазгарц, даҽакы азхәыцра салагеит. Сыбла иаахгылеит ақыҭаҿтәи
ҳмаҵурҭа. Агәҭаҵәҟьа амца еиқәуп. Архнышьна иадҵәаҵәалоу алҩақ, акәиц анналашәалак, иаакәеицеиуеит еҵәаҵас.
Иара убасҵәҟьа, икыдшәаз еҵәаҵас инҿыцәаауеит. Арымӡ
иқәтәаны убри иахәаԥшуеит арԥыски ԥҳәызбаки. Акәицқәа
рхала ианымҩеилак, амца инхәыҵарықшоит алаба.
− Раԥхьа иакуа аеҵәа уара иутәуп, – лҳәоит лара.
− Мап, бара ибысҭоит. Сара сиеҵәахә бара ибымаз, –
иҳәоит иара.
− Ҳахәаԥшып зиеҵәахә иаҳа ннаҵуа.
− Бара бтәы иннаҵааит.
− Мап, уара уеҵәахә...
Ԥхыӡ бзиак иаҩызаха... Саанарԥшит Дамшә ахышҿышыбжь. Алышькьантыр уагааит, изакә ԥхыӡузеи сызлухыз.
Ԥхыӡзу, гәалашәаразу?.. Абарҵахь ашә аасыртын, Дамшә
снақәыцәҟьеит ашьшьыҳәа итәарц. Сганаҿы ииаз лышҟа
саанаскьеит. Лара ацәа дахьынӡалҵуаз, сара аҵарақәа рашәаҳәара сазыӡырҩуан. Ҳԥенџьыр аԥхьаҵәҟьа игылоуп
ҭәаҵлак. Ҳханы, аԥшьбатәи аетаж аҟынӡагьы инаӡоит амахәқәа. Уаҟа иқәтәаны ашәаҳәара хдыртлеит аҵарақәа.
Хымԥада, убарҭ аҵарақәа рашәаҳәароуп аҵла апытҟәырқәа
зырҿыхо. Алакар унапы наԥыракны иауушьҭыр, ишԥацои
аӡыхь? Аҵарақәа рашәаҳәара убри иеиԥшын. Инкыланы
измаз аӡын амч анмаҷха... Иаашарккон...
− Ажәақәак насоуҳәар, – лҳәеит, ажәада ҳзеилибамкаауазшәа. – Ахәыҷы сцәа далашәар ишԥаҟаҳҵо?
− Инықәыршәны ҳцоит азагс ахь.
− Бзиа избоит алаф ануҳәо. Умшәан, ахшара дсоур, сара
схала дсааӡоит.
− Сара сабацои?
− Ԥхыӡла узацәажәоз лахь.
− Сара исҭаху бара боуп. – Зынӡаск дмиӡеит, адгьыл ишьапы ықәимыргылаӡеит Самсон Григорич. Дыҟамызт Мсыгәда.
Иҟамызт Аруҭан, аԥсараа, архнышьнаҿы икәеицеиуамызт
аеҵәа хәыҷқәа, иҟамызт Аԥсара ахаҭагьы...
− Уаапкит! – снаҵаҟьеит.
− Уԥсы иасҭеит! – ашә иавҵхоз Дамшә ашыбжьи лара лы
ҵәаабжьи неилаӡҩеит, ашырҳәа дҩаҵҟьеит.
− Дамшә, Дамшә, – сыргеит. Ахьӡ зысҳәаз, уҽынкыл, убжьы
умырган ҳәа акәын, аха усыцхраа ҳәа ҿысҭыз џьнашьеит.
− Иусырбап ашышьа зеиԥшроу! – лҳәан, ахәыҟаҵарҭа
уада дныҩнаххит. Ашвабра аашьҭылԥааит. Ашә аалыртит. –
Удәылцқьа абыржәыҵәҟьа! – Дасырц ашвабра анаалырхха,
самҵасны иааныскылеит. Аха индәылҟьон еиԥш дҩахьӡан,
дасит. Иаразнак ашә алмыркызҭгьы, убас илзыҵҟьеит, дааихнахуан. Маҭәақәак насышәхасырԥан, аимаа чхьарԥқәа
сышьхарԥаны, сындәылҟьеит.
− Уаанҿас, ухынҳәы! – аҿыҭра саҿын. Иҟуҵәуо, амардуан
илбааны инеиуан. Петрович иуада ашә аԥхьа санниаҟьоз,
Дамшә аҵәаабжь иаҳазар акәхарын, ашә шааиртуаз збеит.
Ашҭа ааихнаҵәеит. Ихьаԥшкәаԥшуа, аҵыхәа ашьҭарҽыла,
азауад ахь акәымкәа, наҟ, ашьхаҟа ахы рханы ицон.
− Ухынҳәы! Ухынҳәы! – ҿысҭуан. Сыбжьы анақәсыргалак,
имҵысӡо иаангылон, ахаҳә ыршәны иашькласҵазшәа, иаахьаԥшуан, нас еиҭа аҿыҩанахон. Уаҳа иаанымгылаӡакәа,
акаҭран мҩаду ианыршәла аҿыҩанахеит. Саангылозшәа
абар, иаргьы ааҭгылон, сҿанынасхалак, еиҭа аҿыҩанахон.
Сахьырԥшны сагон. Амҩа архәараҿы инеиуаны, ишсылшоз
сыбжьы ҩҭысцан:
− Дамшә, ухынҳәы! – ҳәа ҿысҭит. Иааҭрысын, иааҭгылеит.
Иаахьаԥшит. Иҟанаҵара азымдыруа, иаалак-ҩакит. Убри
аамҭазы, «полутарка» машьынак архәара иаавҟьеит... Сыблақәа алашьцара анырхаҳала, ишсылшоз сыҳәҳәеит:
– Уца! Уца наҟ! Да-мшә! – Сыблақәа хызҩеит. Уи акәхеит.
Сгәыҭҟьара иардагәоу слымҳақәа, изаҟаразаалак ҵәаабжьы
ҳәа акгьы смаҳаит. Хаҳәк схы иаахараны сыԥшызшәа,
сеиҳәҭҟәыҟәла стәан ԥыҭрак. Ашьшьыҳәа, сеидара саҵақь
сҩагылеит. Сшьамхқәа убасҟак икәадахеит, сызмыҩит.
Акаҭран мҩаҿы еиҵыхәхәаа ишьҭан Дамшә. Аҟәараҳәа
сеиҵас сқыџьқыџьуан. Снапы наҵаҵаны ахәда ааныскылан,
ахы ҩышьҭысхит. Аблақәа, ақьышә, ахахәда, снапы рыхьшьуа,
исшьышьуан.
− Саҭаумҵан, сашьа, – дааҳадгылеит ашофер. – Лашәарыцазма?
− Уи зеишәарыцоз, изнымшәоз... – сыԥсы сгәы икылахеит.
− Игәасҭазҭгьы маҷк заа... – иҽааларҟәны, иаргьы инапы
нахьишьит. – Игәасҭеит, инапы анахькьыс, акгьы ҟанамҵеит
Дамшә. – Амҩаҿы ԥсы зхоу акы сымшьыцызт смашьына
иаҵашәаны...
Аблақәа аахнатит. Изшьыз инаихәаԥшит. Игәабҭахьоу амра аҭашәамҭаз амшын ианхықәгыло изеиԥшроу? Амч ацәыӡны,
игьагьаӡа ԥыҭрак иаанхоит. Аиԥырҵра рцәыцәгьахоит адунеии иареи. Ԥаса, Адица, аӡәы инаихәаԥшны, сара сахь
ианаахьаԥшлак, аблақәа ирхызбаалон уи ауаҩы изыҳәан
«агәы иаанагаз». Агәаӷ, агәыбзыӷра, дуаҩԥсы бзиоу, дуаҩы
цәгьоу. Изаҟаразаалак акгьы рхысымбалеит уажәы. Урҭ
ирхын акызаҵәык – анышәара. Абасҵәҟьа иҟан Мсыгәда
аҵыхәтәантәи лыԥшышьагьы. Издыруада, раԥхьаӡа ҳабла
анхаҳтуеи, аҵыхәтәанӡа ианхаҳҩои еиԥшызар... Гәхьаагарагәынқьраҵас бжьык нахәылҵит, нас, аеҵәа анҿыцәаауеиԥш
ихәыҷхо, ашьшьыҳәа иаахнаҩеит.
− Аԥсаҭа бзиахааит! – иҳәеит дсышьҭаланы иаауаз Пет
рович данааҳадгыла. Сыблақәа дырхымԥшыларц наҟ сын
хьаԥшит. Ацәыкәбарқәа реиԥш акакаҷқәа ахьныссы, иҩежь
ӡа ашьхақәа иаарывҵит амра. Амшын афҩы алышәшәо,
ицәаакӡа, агаҿантәи инасит аԥша.
− Исшьит, сара исшьит...
− Аԥсы ухҭнаҵеит. Усҭ, уеимаақәа ушьаҵа, амҩан уахьаауаз иушьхшәеит. Сара ажыга аазгоит, – аҩныҟа дцеит
Петрович. Сыԥхашьаны сылабжышқәа зцәысҵәахуаз аӡәгьы
дыҟамызт...
– Аԥсуаа ишәымоуп лакәк, иаасгәалашәеит, – ҿааиҭит
Петрович, амҩа нымҩахыҵ, ашьацраҿы Дамшә анышә иамаданы ҳанаауаз. – Ауаҩы нарцәыҟа данцо, цҳакы днықәлоит.
Дзықәсыр, дцоит џьанаҭ, дықәҵәраар – џьаҳаным дҭаҳауеит.
Ацгәы неины ацҳа инықәнашьуеит, иҳәеит, ашша, ауаҩы
дықәҵәраарц. Ала неины, убри ашша ықәнарбзаауеит.
Исҭахымызт аӡәгьы ибла аҭаԥшра. Аҩны ааигәара ҳааиуаны:
– Уабаҟаз иаха? – иҳәан, днасазҵааит Петрович. Анышә
ҟаԥшьӡа иаҿататан иикыз ажыга баҳа. – Ахәылԥаз ашҭаҿы
стәан. Ҩызак длымами, зыҟны уҟоу аԥшәмаԥҳәыс... Даҽа
хаҵарԥыск дицны, ҩыџьа аҭыԥҳацәа рыманы, лара лышҟа
иныхәнеит. Ауада иҩнамлац сҳәоны, Дамшә аӡәы дасит.
Џьара кампаниак ахь ицозар акәхарын...
− Ус еизалоит, аамҭа рхыргарц.
− Лысасцәа аҩныҟа инеир амуит, арахь ирыздәылымцеит...
Иуадахь ҳнеит. Ҳахьтәалац ахәыҟаҵарҭа уадаҿы ҳнатәеит.
– Петрович... Максим Петрович, шәысмыруадаҩуазар,
шәара шәҿы сыԥхьар ҟалару? Даҽаџьара уадак сыԥшаанӡа...
Аҳәара ицәымӷны, игәы данҭахәыц ашьҭахь, ус ҿааиҭит:
− Уиашазар ҟалап. Уи, – хыхь, сахьыҩназ ауадахь инапы
наирххеит. – Уара иудыруеит, сара исҳәарҭам..
− Схы сақәиҭӡам сара схаҭа...
− Шаҟаамҭа уҭаху ҳара ҳҿы уҟаз. Амала сабшала мҽышала
аҩны узыҩнагылагәышьом. Смоҭацәа зегьы аауеит, хылагәыла ҳаиларҵоит...
− Уи иаҳагьы еиӷьуп.
− Иуасҳәар угәы иалымсуазар... Алиас, ақыҭахь, уани уаби
рахь ухынҳәыр...
− Ишԥаҟанаҵои зуҳәаз ацгәы? Џьанаҭҟа ҳазлацо ацҳа
ашша ықәнашьуама ҳақәҵәраарц? Убри ацҳа, Аԥсараҟа
сызгоз!..
Петрович иԥшәмаԥҳәыс, ԥаса, апенсиахь дцаанӡа азауад
аҿы апаркеттә цех аҟны аус зуаз, слыҳәеит, хыхь дынхаланы,
аԥшәмаԥҳәыс илалҳәарц, сымаҭәақәа аалҭиааит, уаҳа уахь
снеиуам ҳәа.
– Дамшә ауасиаҭгьы убри акәын, – иҳәеит Петрович.
– Егьи, ацҳа ҳәа узҿу. Аԥсараҟа узго ацҳа уқәымҵәраарц,
Дамшә ахы ахҭнаҵеит. Макьана иуцәыцәгьоуп аилкаара,
аха уаԥхьаҟа, ахшара ануоулак... Еиӷьу ҟаҳҵо џьшьаны, ҳахшара рзыҳәанҵәҟьагьы... Аԥсҭазаараҿы ацәгьеи абзиеи
аилыргара... Уаб уизымгәаароуп. Сара деилыскаауеит уи.
Хымшҟа анааҵ, ибзысыҩхьаз атетрад абӷьыцқәа неихсырԥхьан, убас сыӡбеит. Акәаԥ насыргылап. Саҟәыҵып. Иазхоуп. Илҭахызар лара лхаҭа иацылҵааит. Иацылҵааит
сҳәахт... Изҭахыда, ҳхаҭақәагьы иабаҳахәо. Илыблааит амца
илақәыжьны. Амца иахәхааит абраҟа иааҳәо амҽеирақәа,
ауаҩымрақәа. Иазхоуп схала схы ахьынӡазжьоз. Идагәан,
уажәраанӡа идагәан сыгәлымҳа. Абри акәызҭгьы исанаҳәоз
Дамшә аԥсымҭаз аԥшышьа? Уи аблақәа ирхын анышәара.
Уанышәа уаргьы. Сықәҵны сцап схы ахьынахо, сцап аԥсараа иԥсхьоу рыӡбахә ахьысмаҳауа, зыԥсы ҭоугьы сыбла
иахьамбаша. Шаҟаџьара аргыларақәа, азауадқәа, афабрикақәа... Мап, ашьхаҟа, зны Гәдиса сахьигоз... Кәыдры иалалоит Аӡӷара ҳәа ӡиаск. Аихатәы цҳа хуп. Ацҳа бықәсӡом. Иаваршәны
ашьхаҟа бҿынабхоит. Аӡиас иаҳа-иаҳа иӷӷарахоит. Уамак
ҳамнаскьакәа, амҩаԥгаҩ ибжьы нарықәиргеит аԥсаса. Иаархынҳәны, анаара инаҿеиҵеит. Иалагеит ашьхақәа. Шаҟаамҭа
ҳаҿаз уи, раԥхьатәи ашьха, шаҟа ҳаргәаҟыз, бара базхәыц,
ашьыбжьон иаҿалаз, амра нҭашәан, ианаалашьцозынӡа ҳазхамлазар. Ҳахьыҩхалаз, ииашароуп, дәуп.
– Уаҳа шәымцан, ишәымбои, адамыӷ зну абни аҵла инар
кны иалагоит Ахәырҭлаӷь лқьаԥҭа, – иҳәеит амҩаԥгаҩ.
– Амцхәгьы ҳазааигәацәахеит, рышьҭахьҟа иԥхьашәц
аԥсаса.
Абга иақәтәоу, амшә иааӡаз, ауарбажә иаанагаз ҳәа,
шаҟа лакә саҳахьоузеи, аха убри, Ахәырҭлаӷь илыхҳәаау
алакә азыҳәан аҟара ииашаҵәҟьазар ҟалап ҳәа, аказы сгәы
мбжьажьац.
Аҳәаа ҳхымҵкәа, лынхарҭа ааигәара ҳанԥхьа, ҳавсны
ҳанцоз:
— Абан иахьыҟоу лыҩны аҭыԥ, – инапы нирххеит Гәдиса
– Иумбаӡои лхәышҭаара ахьыҟаз. Икылеиқәаҵәааӡа иахьагьы ҳаскьын ииӡом. Убас иҟан уи лымца. Адгьыл агәаҵәаҟынӡа икылнаблааит. Уажәшьҭа иусырбап луҭра ахьыҟаз.
Абан еиҭалҳаз акама. – Егьиашаҵәҟьаны, ҩныргәык аҟара
аҵанакуа ижәпаӡа игылан акама. – Иубома ани аҵла?
Абиа. Ахәырҭлаӷь лшәырҳәа иашьҭоуп, лыԥшрагьы амоуп.
Иахыҵуа Анцәа идырп, иахьагьы иҿалоит. Лашҭа арахә
ҭалар, абиаҿы икнаҳаны, рцәа рхылхуан. Ауаҩы дҭалар –
ашьапы дадҿалҳәалон. Амла аԥсра далагон. Абиа анифалак,
лара леиԥш дхәырҭлаӷьхон. Дааухәаԥшыр, уаҳа аҭахӡамызт,
улгон уҭҟәаны, ауаа рышҟа ухнымҳәуа уҟалҵон. Ирҳәоит,
дхәырҭлаӷьны дмиӡеит, ауаатәыҩса лгәы ндырхан, дрылҵит,
насоуп данхәарҭлаӷьхаз ҳәа. Иахьагьы лымчхареи лыԥси
ықәуп лашҭа, иумбаӡои ахьшьцәа харантә ишавсуа...
Қәахьк насыргылап, суаҩԥсхар сҭахын, ишәымуит ҳәа,
иааҿыхны исфап абиа. Изылшо шәыҟаз уахь. Иаҳҳәап, Адица,
бара инабиркит ахаҳә. Ибзыршәрызу? Сара сеиԥш баргьы
аршәра бзымгәыӷьуа... Ҳашԥазныҟәеи бареи сареи дгьыли
жәҩани иҳартаз, иҳаҭәаршьаз аҵх? Иахьаҳҭыԥмыз ажәҩан ахь
ҳхаланы акәымкәа, адәы иқәу ауааԥсыра реиԥш иаҳхыганы,
ауааԥсыра шаԥыло еиԥш, ҳаԥылазҭтьы убри ашьыжь шара...
Избан, ҳуааԥсызар ҳзымхаӡоз... Хаҵеи ԥҳәыси зҳакәымхазеи,
Адица, убри ауха. Аԥсабара иҳаднаҵаз мап ацәкны, иарбан
ламысыз иаҳахьчоз...
Снашьҭалеит сахьыҩналаша уадак. Исыԥшааит. Азауад
маҷк инацәыхароуп. Иҭынчроуп, амшын ахықәаҿыҵәҟьоуп.
Иаҳа-иаҳа схы сгәаҿы аҽарӷәӷәо мацара, сазкылсит уск
ӡбаны, егьынасыгӡеит. Иааркьаҿны ашәҟәы изызҩит Мирон:
«Иҵумхын, сҩыза, уқәаҵа аҵыхәан игылоу аџь хыжәжәарах.
Аганаҿы уҷкәын ихьӡала сара еиҭасҳауеит аҵәаҵла. Ианазҳалак, аԥашәыжәқәа шыҵоу, ашьапы иҵаҳҟаауеит аџь
гәаҩа». Ашәҟәы сҵырҟа џьыба инҭасҵеит. Аусурамш анынҵәалак, адәқьанаҿы сныдгылап, усеиԥш иҟоу ашәҟәқәа
уаҳа исызнышәымкылалан ҳәа нараҳәаны аҭыԥҳацәа, аса-
лам шәҟәыбӷьыц аԥошьҭа инҭасыршәып. Уи уиала салгап,
ихсыркәшап. Ишԥарзызуеи ари, асҟак Адица илзызҩыз?
Уаҳа рыцҵара аҭахым. Мери дшаазбалак илысҭап. Ибҳәаз
схамышҭит Мерика-Америка, исзынамыгӡеит, аха... Уаҳа
исҭахым. Саҟәыҵит. Сара насыԥ сымазарц азыҳәан хаҵа
ицаз, бҩыза илыҭ, даԥхьааит сзыхьӡаз. Араҟа ианқәоу бара
ибалҳәашеи ибалымҳәашеи лара илыӡбааит. Ԥардак абжаранӡа снахеит, агәаӷьра змоу днахааит иҵегьы. Уи абжаранӡагьы иаатырц азыҳәан иахҭынҵоу еиҳауп иаҭныҵыз
аҵкыс. Иҵегь ааԥшырц иҵегь ахҭынҵара сара исылшом,
зынӡаск схы сзырҳәуам.
− Абзиараз! А. А.»
Сгәы иааҵаххит бҭаацәараҿы насыԥ бзиа бымаз ҳәа
ацысҵарц, аха санеиԥхьхәыцаа... Асҟак аиаша анҵаны,
аҵыхәтәан...
Абринахыс ианысҵо бара ишыбдыруагьы, ианыз, иаҳхамышҭырц.
«Абзиараз А. А.» (Алиас Аҟәланба ҳәа аанаго) ианаҵазҩы,
«Ацәгьара зуа ихьымӡар ауам» ҳәа Самсон Григорич иус
аӡбара иазкны уажәааигәа агазеҭ ианыз астатиа наргәылаҵаны, қьаадк нарыкәсыршеит стетрадқәа, шашәала иааҿасҳәеит. Аусураҿы сызхатәоу астол амгәа ацаԥха акуеит.
Инҭаҵаны исҵәахит. Ашьыбжьышьҭахь сцаны аԥошьҭа иасҭарц акәын Мирон изызҩыз ашәҟәы. Аҽны иаҳхуаз ақыдқәа
убасҟак ишәпан, сҩагыланы аметр шеибгоу иақәсымҵакәа
исызшәомызт аӷәы шаҟа иҟьаҟьаз. Ҿыц иԥырҟазаарын,
убасеиԥш фҩык рхылҵуан, уԥынҵа ианҭаслак, убз уҿыҵа иадҷаблон. Амаҟа ҟьаҟьа адәахьы иандәылнагалак, ашәымҭак
иҩежьуп аӷәы, нас хәыҷы-хәыҷла аԥшшәы ахаҳауеит, зымаӡа
зыҵырдырааз иеиԥш. Ажәҩан еилыӷраан, зны иаақәарԥссон,
нас амра аакылԥхон. Март шыббац иҟан. Снаԥшызар, азауад
агәашә дааҭалан, шьал касыла лхы-лҿы ҭаҳәҳәаны, лпалта
еиқәаҵәа асаара ишьҭасуа, дхарахаԥшуа дааиуеит ԥҳәыск.
Избахьоу аныҟәашьа... Хыхь ихыбны, асаркьа иҭасаны, амҩа аҿықәаҿы игылоуп ҳаҭӡыгазеҭ. Убри аԥхьа дааҭгылеит.
Изыбцәызӡозеи, сгәы иахәоит, харантәгьы улаԥш иҵашәартә,
иҟаԥшьӡа иҩу сыхьӡи сыжәлеи аҭӡыгазеҭ аҿы ианаԥхьо.
Акраамҭа дадгылан. Адицагьы даԥхьазшәа дыҟандаз уаҟа
иану сыстатиа! Днадҵын, ашьшьыҳәа лҿаалхеит. Снеилаӡыӡааит. Иашоуп, сан лоуп. Дабаҟаз? Уажәааигәагьы дааны
дыҟан рҳәеит. Бзиароумашь? Сгәы ахәра ианылҵаз, схәыҷра
иацыз агәыԥшқара... Дтәымуаҩызар, иубаргәузеи, илоуҳәаша зузымдырхуеи...
Усуҩык сҭыԥаҿы днасыртәеит. Сшьамхқәа иаҳа-иаҳа икәадахо, сан сналԥылеит. Зыхшара акраамҭа изымбац анацәа
рнапы ыргьежьуа, рылабжыш хаҟәҟәало... Иҟалап, лара
лаҵкыс сара исызцәырҵызар агәыкра. Лыблақәа сшынархыԥшылаз, агәалашәарақәа... Гәалашәарас иазцәырҵраны
иҟаз ашамҭаз апытҟәыр иагәылҵыз абӷьы...
− Џьара ҳнатәап, ҳаицәажәар сҭахуп, – лҳәеит дшаасыдгылаз.
− Еибаҳҳәозеи? Бара ибҳәашаз... – шәымҭақәак ахыҵит
апытҟәыр иагәылҵыз абӷьы, аха сыҽныскылеит. Ҳцеит
«Красныи уголок» ҳәа изышьҭоу ауадахь. Акреслақәа ҳнарықәтәеит. Сгәы сынҭахәыцит: «Изхысҳәааз заманалаҵәҟьа
еилылкаауеит. Исҳәап».
– Уҭынха гәакьа иузиуа ацәгьара уаӷагьы иузиуам.
– Уеизгьы-уеизгьы цәгьарак узиурц азыҳәан акәымзар
ишихьыз? – лҳәеит сцәажәашьа лыҽнамаданы, лажәақәа
зҳәаз зынӡаск даҽаӡәы лакәызшәа. Ажәа «ишихьыз», иаҵазшәа збеит ахьхәра. Аха исзымариамызт сгәала аиааира. –
Уажәааигәа зны саан, аха...
– Еиҭа адиреқтор инапы саныбҵарц акәхарын?.. – Илмаҳазшәа ҟалҵеит.
− Аҟәаҟа ԥсрак ахь дцеит рҳәеит. Уаби сареи ҳганахьала
иуҵәуаша ҭынха дҳамам Аҟәа. Дызусҭада, ҳара даҳзым-дыр
ӡо, иуҵәуоз?
− Дыбдыруеит, ҭынхас даныбшьозгьы ыҟан. Мсыгәда,
Адица лан дыԥсын, анышә дарҭон.
− Аџьабараҿы угылазар акәхарын?
− Ааи, сгылан. Исыдашшылон.
Мап, дыҵымҟьеит, еидара хьанҭагьы лықәымлеит . Дынкахәыцуа дтәан.
– Анцәа иимшаз уара мчыла дузшом, – аҩныҟа дхынҳәны,
саб иалҳәозшәоуп лҳәашьа шыҟаз. Зынӡаск сара дсыхәамԥшӡо, инацылҵеит. – Асабшаҽны аҩнынӡа унеирц сааишьҭит
уаб.
− Уи иҳәар иаҳа снеиуама? Сара сзыҳәан шәҩыџьегьы
аӡәы шәоуп, – шәҩыџьегьы сзыхшаз шәоуп ҳәа акәымкәа,
даҽа ҵакык аҭаноуп ишысҳәаз. Зегьакоуп аӡыӷь даҿамгылеит.
Сгәанала уи усҟан лҿымҭрала илҳәеит, акыр шыкәса анҵлак,
сара сзызкылсраны иҟаз: «Ухала уахьхәып».
− Ақыҭаҿы уаннеилак, уаби уареи шәнеицәажәаны, сара
сымбаӡакәа, убналаны уаауеит. – Ҽԥныҳәаҵас акәмызт
ишылҳәаз. – Асабшанӡагьы унеир цәгьамызт.
− Ишәыхьзеи?
− Иаахбыџны фара-жәрак ҟаҳҵароуп.
− Аҭаца дшәызнаргозар? – уажәшьта сааҭқәак нахыҵын,
иаҳа ирацәахеит абӷьы иагәалашәашаз. Даасҿаԥшит. Лыблақәа ирхызбаалеит: «Аҭаца дуоурц азыҳәан аԥа думазароуп». Зегьакоуп, илымуит, даҿамыӡсеит аӡыӷь. Ихьасыршшар
акәхеит.
− Бзиароума?
− Уааӡырҩи, чеиџьыкак ҟаҳҵароуп. – Иԥшӡагәышьам
иахьысҳәо, аха ишԥаҟасҵари исгәаланаршәазар. Мсыгәда
леиԥш, сангьы лыблақәа инархызбаалеит аҵыхәтәанӡа
ажәҩан ианаҵаԥшуаз Дамшә иаԥшышьаз. Анышәара. Аха
иарбану дызнышәаз? Сҩашьомызт акаҿы. Саԥхьа дтәамызт
лнапқәа схы иалшьуа, сылгәыдыҳәҳәала сгәыдызкылоз ан.
Дыҟамызт ашәақь аакынԥааны, лыблақәа неихамырҟәысӡа
кәа, аԥсаатә иеихсыз. Лҳәашьала, гәҩарас искит ачеиџьыка
ҳәа дызҿыз сара ишсызкыз... Мап, бнауаҩрак цәырыргап,
ажәытәан еиԥш, исзымҵааӡакәа ԥҳәыс дысзааргап ҳәа
сыгәгьы иҭамшәеит. Уи аганахьала урҭ гәнаҳа сызрызҳәом.
− Сара сыҟамзар амуӡои?
− Иауӡом. Уара уқәҵны уцеит, уԥсы угеит, аха уаби сареи
ҳаԥсы шҭоу ақыҭа ҳазрылҵуам.
− Ишәыхьзеи?
− Иаҳзууз ҳахьит, уаҳа иҳахьуаз. – Маҷк днаҿаӡсеит аӡыӷь.
− Аџьашьатә, иумаҳара иҟоузеи! Аҽы иаҳәаша акәадыр
иаҳәоит ҳәа, сықәымҵыр амуит, уажәы бааҳәны, уқәҵны
уцеит ҳәа... – сыԥсы сгәы ианкылаха, сажәа сзынамыгӡеит.
Аҵаагьы асхьан, ашоура бааԥсгьы ахнагахьан апытҟәыр
иагәылҵыз абӷьы.
− Изакәызеишь акәадыр иаҳәараны иҟоу?! Ацәгьара
умпыҵҟьазар, иуҳәар, макьана ҳаԥсы ҭоуп, арҽеира ҳашьҭамлоз. Ари уаароума, убналаны уҽуҵәахит. Усоума уажәтәи
аҿар ишыҟарҵо? – Лажәақәа агәкаҳара ахьрыҵаз акәхарын
изыхҟьаз, абыржәоуп иангәасҭа ԥшра-сахьалагьы шаҟа
лҽылыԥсахыз. Лхахәы, ҵаны, Аԥсара сықәҵаанӡагьы ашлара аланаԥсахьан, аха асҵәҟьа! Лӡамҩақәа еиԥшын аҿшәара
зҽазыҟазҵо аҵла абӷьы.
− «Уажәтәи аҿар»... Уажәтәи аҿар ракәым, урҭ ирхылҵуагьы арҽеира иамыхәартә аҟара... – исҳәеит сара схазы,
сыбжьы ныҵак.
− Умаҭацәагьы урҭ рмаҭацәагьы ирыдхало иарбану
уасҳәап, нан? Ашьакаҭәара иҟауҵаз. Ашьа ҳадуп, ашьаԥса
ҳшәароуп. Еилукаау?!

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 17
- Büleklär
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3316Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23490.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3340Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23520.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3345Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22500.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3328Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23160.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3385Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23440.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3340Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23060.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3345Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23680.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3324Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22900.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3285Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22810.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3325Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23080.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3339Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23130.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 12Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3318Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23480.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 13Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3280Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22850.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 14Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3350Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23100.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 15Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3316Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23530.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 16Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3308Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23510.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 17Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3323Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23690.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 18Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3363Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23490.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 19Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3351Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23420.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 20Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3304Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24120.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 21Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3400Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23980.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 22Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3355Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23280.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 23Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3464Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23090.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 24Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 4490Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19500.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 25Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 4507Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19470.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 26Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 4637Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19040.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 27Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3881Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20040.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 28Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3326Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22410.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 29Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3292Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22410.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 30Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3355Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22270.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 31Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3411Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22570.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 32Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3351Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23220.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 33Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3328Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23310.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 34Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3423Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23260.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 35Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3404Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23000.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 36Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 813Unikal süzlärneñ gomumi sanı 6270.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.