Latin

Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 15

Süzlärneñ gomumi sanı 3316
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2353
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
избаз, издыруаз сакәым, иныҵак ҳқыҭаҿы ҳәатәыс ирымаз,

аӡәгьы агәра шимгоз, Аруҭан уи аҩыза ацәгьара шыҟаимҵоз
акәын. – Ажәа «иныҵак» анылҳәоз, лыбжьы аалырхәыҷит, уи
ажәа зызкыз рҳәашьа ҟалҵозшәа. – Усҟан мацароума, акыр
шықәсагьы, шаҟаҩы слымҳа иҭарҳәоз, харада дыӡгәышьоит,
ҳкасса рҳәны, аусҳәарҭа зыблыз, иԥаҵа далаччо адәы дықәуп
ҳәа. Бламысдоуп ҳәа ақыҭа салызцада? Акгьы зхарамыз
ауаҩы данҭарк дыззымыхьчаз ракәӡами? Издыруеит, нан,
егьа сҳәаргьы, акгьы ишысмыхәо. Сара аӡәыр сиқәӡбауа
сыҟахума!.. Сара сзықәшәаз еицәагьы сақәшәахгьы, Аруҭан
ииашара ааԥшуандаз! Знык акәӡам уи сара данысшьыз. Уԥсы
шԥанхоз сҳәозшәа, ҩынтәгьы... Ихарамкәа дҭакын зҳәозгьы,
уажәы, ахьӡ бааԥс, амаҳагьа ҳәа ахьӡ анихыла... Уажәтәигьы
анацла, аханатәгьы иҽеимыз уаҩызаарын рҳәеит. Ихызҵада,
аԥсра аҵкыс еицәоу, ахьӡ бааԥс?.. – Абыржәы заҵәык лӡамҩақәа инархьыкәкәеит лылабжышқәа. – Сара схаҭа, ухаҿы,
иузаагашам, аха, сара схаҭа агәра дсыргеит... Иуаҳазар
акәхап, ашьакаҭәара ҟамларц, бзиараха Анцәа ирԥигалааит,
абыргцәа неины иарҳәеит Аруҭан, ақыҭа уалҵ ҳәа. «Хара
сыдым, шәанаџьалбеит, сан хатәы ԥҳәысс даасхәааит убри
аԥҳәыс лҿы ус сымазар», – иҳәеит. Ирҳәо рҿамшәо еилахеит
абыргцәа. Ашьҭахь...
− Уи сара издыруеит. Аҳәса алырхит бара ибазҵаарц. Бара
ибҳәаз зынӡаск даҽакын... Хаҵеи ԥҳәыси реиԥш шәыҟоушәа,
агәаԥхеибашьара ду шәыбжьоушәа. Исзеилкаауам, избан, ус
зыбҳәазеи? Иарбану ииашоу?
− Ҳаиқәшәаны, ҳаицәажәараҵәҟьа иҭахымызт иара
гәаҟ. Санхәыцуа... Иараби, адунеи мыжда, шаҟа рыцҳара
аӷрагәоузеи. Ишиҭахӡамыз, мчылаҵәҟьа днеиртә иҟасҵеит
убри, анкьа зны ҳахьеиԥырҵыз адәҳәыԥш аҿы. Уааӡырҩы.
Сашьцәа, сан, саб акыр рыхьыр ҳәа сшәама, сыбзиабара
рыхҭнысҵама, ирыхҭнысҵама сыԥсҭазаара аҵкыс инеиҳаз,
схы аиқәырхара сашьҭалама, уи зегьы уара иабоуҭаху. Ааӡаб
еиқәаҵәа ихыганы дхынҳәит. Исгәалашәоит, сара, аԥхамшьа,
аҭаҭынырҭа дшалаз снеит. Сара егьа сҳәазаргьы, иара зҵаара
заҵәыкоуп исиҭаз: «Сара сзыҳәан уажәшьҭа зегьакоуп,
Мсыгәда, аха уеизгьы исаҳәа аиаша, баргьы агәра бгама

исхараҵәҟьаны сҭаркит – ҳәа?» Иасҳәоз, сара, абзамыҟә,
дызжьарауааз, агәра згеит ҳәа иасҳәарауаз. Иаҳа еиӷьын.
Убри ашьҭахьгьы уаҳа изаҭахыз ҳаиқәшәара, ҳәатәыс исымаз, аха...
Абарҭ ажәақәа анылҳәа, сқьышә иаақәыххит исалҳәарц,
избахьаз документк. Бара ибзанысҵап уи, Адица: «Иааиуа
асабша ауха, амра анҭашәалак инаркны, ҳадәҳәыԥш аҿы
сузыԥшуп. Суашьапкны суҳәоит, сааҭ заҵәык иадамхаргьы
унеи. Издыруеит, абзиабара акәым, ацәымӷраҵәҟьагьы саԥсам, аха абри, аҵыхәтәан сызуҳәаз анынаумыгӡа, уанымнеи,
сара уаҳа уинахыс акгьы сызнымхеит...» Лхы иазылуа ҳәа
илҳәаз абабҭаху, иахьаанҵәо лыхьӡ лыжәла аҵаҩуп. Сгәанала,
ашәҟәыбӷьыц иџьыба изҭахаз уиоуп, ианизылҩы инаркны
ахҭысқәа убас ицон, уи игәалашәартә дыҟамызт. Иҵырҟа
џьыбаҿы иаҳәшьцәа ирбеит. Дызшьыз иус анырыӡбуаз,
аусеилкааҩ ирҭеит.
− Ҳанеиқәшәа, – лажәа инацылҵеит, – сара ажәак сҳәаанӡа,
ҳаиқәшәара сзашьҭаз изымдыруа дыҟазма, иара сыҟажара
далагеит: «Баҟәыҵ, бҽырҭынч, иҟалаз ҟалеит, ибхаршҭ. Бхаҵа
дыҟоуп, бхәыҷқәа, убарҭ брызхәыцла». Ииҳәоз саҳауазма! Сара уснаԥхеит, саԥсамхеит убзиабара, егьарыла суцәымыӷхаргьы уиашоуп, сҳәан, сшьамхқәа нарсны иҿаԥхьа аминауаҭра
анышьҭасҵа, ишԥаҟаиҵоз, дхаҵан, ламыс иман, сҩаиргылеит. Снапқәа наикәсыршан, лабжышла дкәабо... Саҭаумҵан,
Алиас, нан, аха уаҳа аӡәыр иасҳәап ҳәа уҟоума, сынарцә мҩа
иқәызгаларц сҭахым. Аԥсгьы аӡәы дгәыдикылахьеит, Ару­
ҭан, сҳәан, сгәыдикыларц сиҳәауа, ихәда снапқәа анаакәсыршоз, аҵх иалыҩны, анаԥхара ҟазҵаз дахьзырхәуа бжьха,
ажәҩанахьтә иааҩуазшәа: «Бара аламысда!» – игеит абжьы.
Ҳазбаҵәҟьаз ҩыџьа ракәын. Сыҷкәыни иаб иашьа иԥеи, аха
урҭ рышьҭахьҟа иааиуан рҩызцәа. «Ҳаи, сахьҭакыз сыхным­ҳәӡандаз, абри аҩыза ҟамлакәа!» – иҳәагәышьеит иара
гәаҟ.
− Иаҳагьы еиӷьуп, Аруҭан, иаҳагьы еиӷьуп, уажәшьҭа,
иубалап мап уцәыскуазар, – сҳәеит акыр исыхәозшәа.
Уинахыс баргьы ибдыруеит, Адица. Шәиешьара еизеит,
ақыҭа ирылаҩҩит. Аха иҟоуп ибзымдыруа. Избанзар, уи

аицәажәара анымҩаԥысуаз, Адица илаҳама ҳәа слазҵаан,
илаҳазҭгьы лаб дидгылон, уи дыҟамызт лҳәеит. Дзымцазеи
бан аҽныҵәҟьа дықәҵны? Мап, дзымцазеи акәым, дзықәимцазеи, дызникылазеи лхаҵа, бара баб? Еибырҳәазеи хаҵеи
ԥҳәыси? Базыӡырҩы, бхаҿы иааг абри еиԥш.
Шәиешьара ражәа ҳәаны, ари уҩны дыҩнагыланаҵы уаҳа
ҳааиуам ҳәа шәашҭа инҭыҵны ицеит. Лылабжышқәа лыкәааша дҵәуомызт, лхы злалырқьиаша ажәакгьы лҳәомызт
Мсыгәда. Аҟәыӷа инарцә мҩа дшықәло еиԥш, ҭынч, ашьшьыҳәа
лымаҭәақәа реизгара дналагеит.
− Иҟабҵозеи? – дналазцааит Арсана.
− Ахьымӡӷ усыргеит, уашьцәа ирҳәаз саҳаит, еицәоугьы
сыхәҭоуп...
− Бымацара бакәӡам, сара исхароугьы рацәоуп. Наҟ, рҭыԥахь иҟаҵа бымаҭәақәа. Урҭ дара ртәы рҳәеит, аха ирзымдыруа ыҟоуп. Бара, ииашаҵәҟьаны?..
− Аҵабырги амци реилыргара зуҭахузеи... Уи уажәшьҭа
акгьы аҵанакуам.
− Баатәа. Ажәак басҳәоит. Бансыццоз исзымдырӡоз?..
– Сумгар акәын. Бзиа илбоз ауаҩы мап ицәызкыз... Уара
иаҳа уҟәыӷан, уеиҳабын...
− Иухәыцша шыҟаларыз ухи умчи еиқәхондаз.
− Сара усхырҟьаны иакәым уақәшәар ҟалон. Аилкаара
мариан Аруҭани сареи ҳаизыҟазаашьа. Усҟан уаргьы... Уара,
усҟан сеиқәзырхаз... О, сыгәнаҳа рзымгароуп сара абасеиԥш
сҭазыргылаз!..
− Сара? Аӷьычра идыԥхьаӡаланы иҭашәкуа дзакә арԥысузеи, ҳшәыцхраап, дҳаԥшаап ҳзырҳәыз, ари ихарам ҳәа..
Исҳәама иахьахәҭаз скылсны? Исзымдыруа џьыбшьома иҳәатәыз, иутәыз. Ҳаинасыԥхараны ҳаҟазар ҳмыццакып, џьаргьы
иҳацәцом, уажәы ҳзызхәыцша Аруҭан абахҭа иҭыгароуп ҳәа
ҵыргәас сыбзыҟалар, убри акәын изахьӡыз ауаҩра. Ишсыхьыз,
изакә мчымхароу исзызуз басҳәеит ҳәа акыр иаԥсоума.
– Убла ахыԥшылара сылшом, уҩнаҭа аҩнагылара саԥсам...
− Аруҭан биццома?

− Сызҭахыда... Ушьапы аӡәӡәарҭа сыҭ сҳәар иааигәара
снаишьҭуама...
Илабақәа иҵшьуа, ауада дындәылҵын, адәахьала ашә
наиркит Арсана.
Инасыгӡап, иацҵаны сҿынасхап, мап, салаӡсо снеилап,
иар­бан хықәу сахьнанаго сзымдырӡо, сзалымҵуа сызлахаз
аӡыблара.
Ауада ԥшӡа хәыҷы сындәылҵит. Ашҭа сықәгылан. Ашьхарахь иааимыггон ажәҩан. Иҟәызгаӡа итәазу, ииасны ицозу аилкаара уадаҩын Басла. Ԥсыӡкҩызар акәхарын, анышь
дақәтәаны, ажәҩақәа наҵшьуа, аӡиас дхыланы днеиуан аӡәы.
Қьырса мзаха, ажәҩан егьа ицқьазаргьы, аҳауа хьшәашәан,
иԥсасиин. Бара дыббахьоума агәаӷ, агәыблра, ацәымӷра,
агәхьаагара уҳәа, ауаҩы дуаҩны дҟазҵо иарбанзаалак
акгьы иӷрамкәа, дыккаӡа иҭацәу? Убри ауаҩ сара сакәын
убри ашамҭазы. Астол дадтәалан Мсыгәда. Лтәашьала мацарагьы ишԥасзымдыри ацхыраара шылҭахыз, далахаланы
исырҳәацәаз уи аԥҳәыс. Сааҩналан, ажәак мҳәакәа, фырџьанк ауатка нҭаҭәаны изжәит еиҭа. Схылԥа аашьҭысхын,
бзиалаҳәагьы ламҳәакәа, сындәылҵны сцеит. Ҵаны, агәашәаҿы снеиуаны, иҟасҵо ламысдароуп, бзиала ҳәа лаҳәатәуп ҳәа
сгәы инҭашәеит. «Сусқәа маншәалахар, ма араҟа, ма аус ахьылуа сныдгылап... Уажәы исылшом»... Аԥҳәыслас лымахцә
данкны, иҟалҵаз дахьырхәтәуп ҳәа дназгаз срылазҭгьы, ахаҳә
ыршәны исзылгәыдҵарызушь? Урҭ ахаҳә дыршәыр, иааҳәны
дара рхаҭақәа ишраахоз рдыруан.
Амшын уаламлан, уӡуеит рҳәозшәа, ҵәииу-сииуҳәа еиқәҿыҭуа, Басла амшын иахьналалоз иахаԥыруан аҷнышқәа. Амшын аатуан. Еимыггон ажәҩан. Аевкалипт ашьапы иадгылаз
рымӡк снықәтәеит. Мраҭашәарахьала ҽыҭҳа-ҽыҭҳа, ркалҭқәа хьыжә-кәыжәӡа, амшын иҩалҵын, ажәҩан иҩаҵеибаҳәа
иҩеиуан аԥҭақәа.
Ахьҭа санакы, сеиџьыԥны стәан. Абаҳчаҿы ала ирхәмаруан хаҵак. Иааџьасшьеит, иацижьҭеи зынӡаскгьы иахьысгәаламшәацыз Дамшә.
Уажәы ианысгәалашәагьы, усҟацәак агәхьаагара саламгеит, иаха иаасаҳаз иара акыр ахаразшәа. Азауад ахь сшаа-

хынҳәлак, сымаҭәақәа сарҭмаҟ инҭасҵап. Дамшә ахәда
амаҟа нахаҵаны иааныскылап. Ҳабацои? Ашьхаҟа. Ҳцалап,
ашьхаҟа ҳхы рханы. Ҳнавсны ҳцап Аԥсара, аԥсҭа, адәы цқьа,
ԥсаатәи шәарахи раамышьҭахь уаҳа акгьы ахьыҟам... Дамшә,
сара, уаҳа аӡәгьы... Сылацәа нҭаазаап...
Ианаамҭаз снеит аусеилыргаҩ иҿы.
– Иухьзеи, Алиас, уқьышәқәа хиаҵәааӡа? – сыхьӡ амацара уажәада имҳәацызт. Саб ихьӡ нациҵон, мамзаргьы
«аҩыза» ҳәа дналагон. Сыхьӡ амацара ахьиҳәаз, ҟәандарак
сгәаҵа инҭысит. – Ухы шьҭыхны уԥшлароуп. Иахьаҵәҟьа
ҳцоит аресторан ахь. Зегьы уаҳәара азин сымам. – Ибжьы
ааирхәыҷӡеит. – Уара иубзоураны «благодарность» соуеит
хыхьынтәи. Уи иаанаго удыруама? Еиҳау аҭыԥ, еиӷьу арҭ, –
ижәҩахыр днас-насит. – Уаала, ҳдәықәҵа.
Сусеилкааҩи сареи ҳаицны кабинет дук ҳныҩналеит.
Итәан хҩык. Ҩыџьа избац аиуристцәа реиԥш иеилаҳәан.
Ахԥатәи арратә иустициа полковникын. Убри санынаиҿаԥш,
аӡәы иԥшра наихыскааит. Дарбану? Дабазбахьоу? Апатреҭ
аҿы... Ааи, ихаҭаԥсаҭа. Аибашьра иҭахаз рпатреҭқәа... Маҵ­
кәа лашьцәа рахьтә реиҳабӡа... Абар, иблақәа, иԥынҵа,
иџьымшь еиқәаҵәа жәпақәа кыдыршала... Шаҟа еиԥшузеи
рыԥшышьа. Агәамчи агәаӷьреи рхыҳәҳәыла...
Лашьа даниеиԥшнысшьала, арратә прокуратура аполковник, лара, Маҵкәа лхаҭагьы сыбла даахгылеит. Уи данызба­лак,
мамзаргьы данысгәалашәалак, агәаӷи арыцҳашьареи ракәын
еснагь сзымҽхазкуаз, уажәы сшьамхқәа убас иӷәӷәахеит,
убасеиԥш агәаӷьра сызцәырҵит, иара, арратә иустициа аполковник сҭынха дук иакәушәа схы збо сааҟалеит.
Бысхыччашт, аха ибасҳәап. Еимадазаап, Адица, ушьамхқәеи убз ашьаҭеи, ишеимадоу еиԥш аҵла аԥашәқәеи амахәҭақәеи. Аҳәаха рымҭакәа, сажәақәа еишьҭарххны, Самсон
Григорич изыҳәан иааздыруаз зегьы аҳәара сналагеит.
– Аибашьра ҟалаанӡа абасеиԥш иҟаз ауаҩы, аибашьра
анеилга ашьҭахь, шықәсык ҵхьаны, даныхынҳә, аус ахьиуқәоз, шәазҵаа, сара еилыскааит, цәгьамзар бзиа ҟазымҵаз,
азауад аҟны акәзар... Агәра сызгом, убри ауаҩ ишиҳәо
еиԥш, аибашьраҿы афырхаҵарақәа ҟаиҵеит ҳәа. Насгьы

аибашьраҿы иҟасҵақәаз ҳәа ииҳәо еиԥшӡам. Фриц иавчаркақәа... – абраҟа санааи, иччара изнымкылеит аполковник. Сара сышҟа иҿааихеит. Сыжәҩа днас-насит. «Шьыри,
иблақәа дырхыԥшылазшәа дыҟандаз Маҵкәа, лашьа дылбар аҟара лгәаҵа арԥсасиуан».
– Сара сеигәырӷьоит, аҩыза асержант еиҵбы, абас угәы
уҽахьану.
− Иахьагьы ҳқыҭаҿы, ахәыҷқәа дыршәарц анырҭаху,
ихьыӡшьара наҳәаны, даауеит, уигоит рҳәоит. Даноушәышьҭ,
ишьапы данақәиҭха!.. Сара, уи изызуа...
− Суқәшаҳаҭуп. Зхы ззымыхьчо иԥсадгьылгьы изыхьчом.
Иаадыруеит. Аибашьра дыргаанӡа дызҿызгьы аадыруеит,
аибашьраан иҟаиҵазгьы еилаҳкааит. Предатель он, изменник! Сара суԥхьеит, чтобы выразить вам благодарность, аԥсахҩы иԥшаара, иеилкаара аус аҿы уахьҳацхрааз азыҳәан!
Иабасызцәырҵи аԥсараа ргәалашәара. Ҳқыҭа салҵижьҭеи, убасҟан ада самеилаҳацызт аԥсаратәык ибара, иацәажәара. «Еизганы исымазар абыржәы аԥсараа зегьы...
Изасҳәарыда иахьаҵәҟьа, абыржәыҵәҟьа?..» Лхы-лҵыхәа
зегьы насхашҭын, дшаԥсаратәу заҵәык сназхәыцит Мсыгәда. «Асааҭ абанеихьоу? Жәаба ҟаларц егьагым. Усура дцахьазаргьы, лыҩны аԥхьа сниасып, аус ахьылуа сцап»...
Снеиуан сгәырӷьара агәыхшәара налаӡҩо.
Санынаԥш, бан лгәашәаҿы «Скораиа помошьч» адгылан.
Лажәагьы цқьа далгаанӡа, ацәылашамҭаз, бзиала ҳәа
ламҳәакәа, дааныжьны санцоз дшааилаҳәаз деилаҳәаны,
дыхәхәаӡа акаруаҭ дықәын. Аҳақьымцәа, хаҵа быргки,
ԥҳәызба қәыԥшки, рхалаҭ шкәакәақәа рышәҵаны, еихьысеиԥысуа илхан. Ахәшә афҩы иахәаҽхьан, илаҳа-лаҳауа ауада ԥшӡа хәыҷы иҩназ, адухь афҩы.
− Ахәышәтәырҭахь даҳгап, ахәышәтәырҭахь, – сҳәеит
сыбжьы рдуцәаны.
− Иаҭахӡам... Шаҟа иԥхыӡ бзиоузеи... – лҳәеит лара, аарла
лыблақәа аахылтын.
Амедицинатә еиҳәшьа смахәар аанкыланы, адәахьы
сындәылылгеит.

– Иабатәи хәышәтәырҭоу... Дызлоузыҟоузеи? – днасзҵааит.
Исҳәара сҿамшәеит азнык азыҳәан.
– Санхәа лоуп, – сҳәеит ашьҭахь.
– Анхәа бзиа ан дылҩызами... Жалко, молодаиа женшьчина, – лҳәеит.
– Уара, лымаҳә уда, уаҳа аӡәгьы длымаӡами? Лыԥсы ҭоума
уԥҳәыс?
– Лара лзы дыԥсхьеит. Баҟәыҵ, уи бара ибзеилкаауам...
– Изеилысымкаауазеи, иааибуам?
– Ишәымам хәшәык ԥшаатәызар, џьаракыр ицатәызар...
Ианамуӡахгьы, ма мышқәак, ҵхқәак... Иҟалозар слашәырцәажәа... Бара иабабдыруеи! Лаҳәатәык сымоуп, – амедеиҳәшьа слывсны сҿынасхеит. Саархынҳәны сындәылылгеит.
– Уԥхамшьаӡои, ауаҩы дыԥсуеит, уара амал, азавешьчание
уазхәыцуеит. Уиаҟара улыцәнымхозҭгьы, аҩныҟа дугарауаз,
умаҳәымзи, уажәраанӡа уабаҟаз, с больным сердцем лхала
дыҩнан, – лҳәеит лхалаҭ аџьыба ҭбаа лнапқәа нҭаршьшьны. –
Ԥаса зынгьы убас ҳаан, дыԥсраны дахҳарԥеит, аха уажәы...
Наҟ сналыдҵит. Сыԥсы ҩеин сыхәда икылагылеит. Аанда
иахагылаз аԥслыш, аԥсрахьы инеиуа аҳәсақәа рыхцәқәа
ԥыртланы рызқәа ианкыдырҵо еиԥш, амахәҭа пақәа кахәхәа-кахәхәа, бжакы араҟа, ашҭаҿы асаара ишьҭасуан,
даҽа ԥыҭкгьы, рҽыларҟәӡаны, аӡиас иныхкьыслон, анасыԥхәык убри аӡыхәашь иагоны, иамнахырц иацрыхозшәа.
Аӡиас сышхыԥшылоз, иаасгәалашәеит... Ахьча Гәдиса сицны
ашьха саныҟаз, инапсыргәыҵа азна ааирҭәын, гәыблрала
днахәаԥшит аӡыхь, инапсыргәыҵаҿы аҵыс ԥшқа икызшәа.
«Ари ԥсҭазаароуп, дад. Амра аамышьҭахь, даҽакы иузадкылом аӡы. Ирҳәоит, ан, аҵеицәа зхылҵыз, лыԥсҭазаара
даналҵлак, анышә иалабоит, нас, ӡӷаб хәыҷык данилак, еиҭа
аԥсы ҭалоит, иаацәырҵуеит ҳәа аӡыхь». Уи сыздыруам. Сыбла иабаз, снапала иҟасҵаз даҽакуп. Аԥшацәгьа згәыдчылаз
аҵла, абаҩқәа иахьынӡарылшо аҽарнаауеит. Иаанхоит
убас акраамҭа. Аҽариашар, аԥша иауам. Изацәцом, иҵегьы
аҽархәар, уаҳа алшом. Убри аамҭазы ԥсаатәк нықәтәаргьы
иазхоит. Сзыхькьысыз лыхәра... Шьҭыхшьа амоуа ихьанҭаз,

алаҳәа еиԥшыз аԥсаатә... «Иласҳәароуп, иласҳәароуп!..»
ауадахь еиҭа сҿынасхеит. Ашә аркны даасыԥгылахт амедеиҳәшьа.
− Шәара илышәҭо ахәшә аҵкыс еиӷьуп сара иласҳәо... –
мчыла ашә аартны сныҩнашылеит. Сзымқәацо саанхеит.
− Са-ҭа-наум-ҵан, нан, – лажәа лцәеиԥхьытто, лыбжьы
аарла иааҭылкааит Мсыгәда. – Иҭабуп, иҭабуп уахьааз.
– Ди, ани, дышәгәаламшәои, ахьӡ шьара зышәҭаз, Алаҳәа
Еиқәаҵәа... Убри иакәымызҭгьы... Уи уажәы...
− Арԥыс, арԥыс, уаҟәыҵ ацәажәара, – иҳәеит иқьышә
инапы адкыло аҳақьым уаҩ-бырг.
− Шәара... Сара дсыԥшаауеит, ажәа шәысҭоит, дсымԥшаар
суӡом... – ибасҳәеит ҳәа акыр иаԥсоума, изаҳәатәыз исызламҳәазар.
− Урҟәаҵ, нап, зегьы урҟәаҵ... Сара схы иазысымуз...
Исанажь иулшозар... – дҩеихан, дынхықәтәалеит. – Абраҟа,
нан, анышә ԥызҟо ируҭашагьы, ҭоубыҭыжәк ахәгьы... – лыхчы
иаҵалҵарц лҭахын лнапы, ианаалыҵылх, дынхьадышьшьит.
− Арԥыс, иҟалозар... – аҳақьым-бырг смахәар даахан,
сындәылигеит.
Амасар аанда снадгылеит. Ақәа цәыкәбарқәа хтәалозшәа,
акакаҷқәа хылеит Басла. Сеиҵакьызқьызуа убас аҵәуара салагеит... Бсызжьом, аԥсра иацу агәырҩа мацара иахылҵыз
лабжышқәамызт урҭ. Еилалеит зегьы, сыхшыҩ исанаҳәон,
аҵәуара мчымхароуп, ахаҵа иаҭәам ҳәа, иауамызт, сгәынқьуа...
− Уҵәуа, уҵәуа, уи ԥхашьараӡам,– сышьҭахьҟа ԥҳәысбжьык
саҳаит. Сызқәа лнапы нкыдылшьылеит. Саахьаԥшит. Деиқәышла ԥҳәыс быргк лакәын. – Сара абраҵәҟьа сынхоит,
лареи сареи ҳуадақәа аҭӡамц рыбжьоуп. Уара узыҳәан акәхарын, ҳанаатәалак, сыҷкәын иацы аусураҿы днеин, иаха
даан, сбаны дцан, иан дикәыхшоуп лҳәалон. Аҭӡамц дасит
ианаацәылашоз, деиҭасит. Илыхьзеи ҳәа санааи... Аҳақьымцәа срыԥхьеит, уаҳа иҟасҵагәышьоз... Уԥсы дузалымхуа...
− Иҭабуп, иҭабуп, – сҳәеит.
Атақсист исҭаз ашәҟәыбӷьыц, ишыббаз еиԥш, сыхьӡ аҵасмыҩӡеит. Ус зыҟасҵаз... Ибасҳәара сыздыруам. Иҟалап, уба-

сҟангьы еилыскаауа салагахьазҭгьы, бара ибхарастәуаз из­
хараҵәҟьаз сара шсакәыз. Изакәытә мцабзыз иахькьысыз
сзымдырӡо, сгәаҵаҿы убри аамҭазы ихыблаа-ҿыблааны иҟан
схы самхабзиара. Сшьара сықәланы, схы-сгәы ахымшәо, сшы­
ҟац еиҭа сҟаларц азыҳәан, иаҭахын аамҭа. Баара сазыԥшын,
сшыҟоу баарҳәагьы сшәон. Мсыгәда лгәылацәа, лҩызцәа
сыдашшылон, сара даҽа хәыцрак сҭанагаланы саман. Ибашоуп,
зегьы башоуп. Изуҭахузеи иара, уаҳа гәырӷьара узаазымгаз,
Адица лышҟа иумоу абзиабара?! Ишлыҵшәадоу уажәыгь
агәра умгаӡаци? Уеизгьы-уеизгьы лҵшәак аиуроума. Избан,
схала, мчыла изсырҩарызеи сыԥсҭазаара аԥашә. Уи иаӷацәоу
нарцәы иҟазааит, аарцәы исышьклаҳәуазааит. Аӡәгьы си­
меигӡакәа... Сара уи ашьа зулоит аӡәгьы симеигӡакәа!
Иа­нажьтәым зыԥсы ҭоу иакәым, иԥсхьоугьы. Уи азыҳәан
сара исымоуп зеиӷьаҟам ахыхьчага. Дара, баргьы саргьы
ҳазхылҵыз, зшьа ҳалоу аԥсараа ракәӡами, игәарԥханы
Гәдиса исеиҳәаз, абри аҩыза ажәабжь ссир зыӡбаз...
... Деигьызеиӷьым хаҵак амҩа даныланы днеиуан, иҳәеит.
Уи дыцҳаражәҳәаҩын. Бзиа еибабоз рынасыԥ зыӡбашаз ажәа
рыбжьигон. Дара рҿала рыгәҭыха еибырҳәартә еиқәшәашьа, еицәажәашьа рымамызт. Еибагарц азыҳәан аԥҳәызба
дахьнеиша, нас иарбан мшу... Абри ажәазаҵәык, ԥсҭазаарак,
хәышҭаарак алахьынҵа зыӡбуаз, иналеиҳәараны дыҟан
ацҳаражәҳәаҩ. Иҟама, итапанча, жәытә хаҵак дшаабац деи­
лаҳәоуп. Дышнеиуаз, имҩа дааԥгылеит мҩасҩык.
– Еи, уарбану, збырфын хҭырԥа шкәакәаӡа, зкәымжәы
акалҭқәа ԥхьаршәҭны уццакы-ццакуа уаҟа инеиуа? – Ҿиҭит
амҩасҩы. – Уцашьа сгәаԥхом.
− Цәгьара сгәы иҭам. Ԥсҭазаарак аҵыхәала амҩа сықәуп,
– иҳәеит ацҳаражәҳәаҩ.
− Изакә усу угәы иҭоу соумҳәакәа усышьҭуам, – днеиҿагылеит амҩасҩы.
− Аҳәара азин сымам. Ҭоуба сухьеит уаҩԥсы ишиасымҳәо
ала. Ари аус аҿы сыдам здам дамаҭәам, соушьҭ, сымҩа
уаԥымгылан, – иҳәеит дааӷьаҵәыӷьаҵәын ацҳаражәҳәаҩ. –
Насыԥк алахьынҵа аӡбуеит сажәа.

Иаҳагьы даҿаапкит амҩасҩы. Иҟама ааҭиԥааит. «Издырит
уара уцарц ахьуҭаху, уԥсы ҭаны усышьҭуам» ҳәа днаиҿагылеит. Абар, дишьуеит. Ауаҩ ишьра акәым, ауаҩы изыҳәан
ҳарамрак згәы иҭазымкыцыз ацҳаражәҳәаҩ, иҟаиҵагәышьоз,
итапанча ааҭиԥаан, имҩа иаԥгылаз дышьны дынкаижьит.
Ари аҩыза ацәгьара ҟаҵаны, сахьнеиуа исҳәо ажәа акыр
иаԥсоума, сажәа бзиа ахылҵраны иҟоума иҳәан, ишьҭахьҟа
даахынҳәит.
− Уаанҿас, – игеит, иҳәеит, хыхьынтәи абжьы. – Ухынҳәны,
инагӡа узқәыз амҩа.
− Сшамкәа сызшаз, ашьа касҭәеит, нагӡашьа сымам сымҩа, – иҳәеит ацҳаражәҳәаҩ. – Дысшьит уара иушаз.
− Уара зыбзиара уацхраауаз дырԥырхагахарц, еицәирӡырц
амҩа дықәын уи, згәахәтәы хәымга иахьумыгӡаз. Уца, гәнаҳа
умам, уара иушьыз дуаҩымызт, – игеит, рҳәоит, ажәҩанахьтә
абжьы.
Убри, ажәҩанахьтә игеит ҳәа ззырҳәо абжьы акәӡами,
Адица, дара, аԥсараа рыбжьы?
Баара сазыԥшру сазымԥшру ҳәа шаҟа еидысхәыцлаз зыбҭахузеи. Лхаҵа Маџьганажә длыцны ашҭа дааҭалар, игәы
далсызшәа, ди рыцҳа, ди ҳәа дҵәуошәа ҟаҵо, нас сара снеины сидашшылошәа... Избан сызцара! Сибааит ара сшыҟоу,
ианидашшыло, саргьы снеины сидгылап. Иҳадашшылалааит
ҩыџьа амаҳәцәа. Лара, иԥсыз ан, амаҳә ҳәа раԥхьаӡа дарбаныз дызхәаԥшхьаз, Маџьганажә иакәу сара сакәу...
– Ҭынхас илымаз уара уакәзаарын, Алиас, – аныбҳәазгьы,
сара ахәыцрақәа сзеилаланы сгылан. Срызхәыцуан ҩба:
урҭ аҩымшк избази исаҳази, нас, бара банызба, ҳаибабара
зыхҟьаз, уи исызцәырнагаз агәырҩеи агәырӷьареи. Аԥша
исҿанагаланы исымҳәеит ажәа «агәырӷьара». (Базхәыцхьоу
иара ажәа заҟа иажәа ӷәӷәоу – агәы арӷьара). Быззааз,
иҟалаз схашҭын... Маџьгана дахьбыцмыз уи аҽны, схы сгәы
уамак анамҳәеит. Аҩны дыҟамзаарын, Адица сышәҟәы­
бӷьыц дшаԥхьаҵәҟьаз дааит. Аха аԥсыжра аҽынгьы Маџь­
гана данысымба... Илабжыш даԥсамкәа иԥхьаӡеит. Дбы­
вамгылеит. Дызусҭада Мсыгәда дзымҵәуаз? Аԥсы деилызхыз

иаҵкыс дызлеиӷьузеи, сара сыԥсы апара баны бара бна­
сымпыҵыкәкәаа...
Баша ибасымҳәеит ахаҳә сзыршәрызушь сара ҳәа. Ибымбои, хаҵеи ԥҳәыси ацәгьа шәыбжьаҳәара салагеит.
Ихәҭаа дақәдыршәеит Самсон Григорич, лыԥсҭазаара ахҭнылҵазаргьы, лажәа ҳәаны, лиаша ааԥшит Мсыгәда. Иаҳагьы
сеигәырӷьаҵәа, сгәы азҭаны инасыгӡалар... Аха иџьабшьаша,
урҭ амшқәа рзы рыхьӡ саҳаргьы сҭахымызт Шерлок Холмс,
акомиссар Мегре... «Асишьчикцәа» рышәҟәқәа анаасхәоз
зны, адәқьанаҿы аҭыԥҳацәа, абригьы унаԥхьар уҭахӡами,
иҿыцны иҳауит, ухәыҷқәа ирызга ҳәа, алаф нацҵаны,
шәҟәы хәыҷык сырҭеит. Бара игәабҭахьоу ахәыҷқәа ирызку ашәҟәқәа рыԥхьара шаҟа иссиру? Дызусҭадашь ари
ашәҟәы зҩыз? Дқәыԥшзаап. Ҳгәыларатәи ақыҭантәизаап.
Изызкузеи ашәҟәы? Аҷынҷа, аӡыцәа, ауарба ҳәа аԥсаатәқәа
дышрылацәажәо, уаҳа ииҳәо имоуа данықәхалак, дрылагоит
аџьымшьы, анаша, акырпыжә ҳәа ауҭраҭыхқәа. Ианаџьалбеит,
даанаԥшы-ааԥшыр, иблақәа цқьа иаахитыр, иҟоу имбари.
Аԥсаатәгьы ҳҭахуп, ауҭраҭыхгьы ҳамфар ауам, аха аус злоу
ауаҩы иоуп, ауаҩы. Ауаҩы ихаҭа аҵыс даԥсамкәа, аҵыс аҟара
пату иқәымкәа дҟаларц уамак шагым иҩыр...
Ахьанҭара азышьҭымхкәа ихжәазар аҵла, акыр хьаас
иамоума аԥсаатә, ицоит инықәԥраа.
– Сара ара сыҟанаҵы, Дамшәгьы абра иҟалоит! Ҳанцо
ҳаиццоит, – сҳәеит, аԥсыжра ашьҭахь, схынҳәны, зыҟны скыдтәалоу аԥҳәыс луада сшааҩналаз. Исышьҭаԥало исыцын
Петрович иҟнытә иаазгаз Дамшәгьы.
– Убри бзианы иацуҵеит, шәеиццоит, – лҳәеит ларгьы
иааркьаҿны. Аха ауха лажәақәа лханаршҭит ҳаидызкыло
ахақәиҭра анаиу... Агәеиҵыхра ушьамхқәа рымацара ракәымзаап измадоу. Даҽаӡәы, лара дызҭахӡам бзиа дшылбо,
сара араҟа ԥардак сшаҩызоу, зегьы схашҭит саргьы. Ауха
иаҳҳәоз ажәа ҟәымшәышәқәа рыла, ианаашо азагс ахь
ҳзымцарыз. Бара, Адица, бхаҵеи бареи убас шәалаҭхаџьуоу
аҵх? Иабаҳҭаху абзиабара ҳәа акы ӡбаны... Дарбану убри
ҟәаданы иҳақәызҵаз!..

Дамшәи сареи азауад ахь ҳанцоз ҳныҟәашьа шыҟаз
ббазҭгьы адырҩаҽны, Фриц исабрада аниҿыхха... «Бравыи
солдаҭ Швеик» дыбхасыршҭрын. Азауад аҿы акәым, зыҟны
сыҟоу аԥҳәыс аус ахьылуа ахәыҷбаҳчаҿгьы инаҩхьан, илыдырныҳәалахьан сара саанӡа. Еилыскааит раҳашьас иҟалаз.
Ашьжьымҭан адиреқтор аҭел дасзаап апрокурор иахь. Самсон Григорич дааҭыгыланы, сара сҭаиртәарц дахьасыз... Ҳазцәымӷу зегьы зашәа ираҳалаша усеиԥш ажәабжь...
Азауад агәашә санынҭалоз убас сҽыҟаҵаны аԥсшәа иасҳәеит аҟарул, иара ихаҭа иакәым,дызхылҵыз иабгьы сла ҟарулс
дамазшәа. Ишԥазури, Адица, исылагәышьоуп ахышьҭыхра,
ибасымҳәеи, иҿаҟәоу аҵла аныҵдыргәо еиԥш, сгәы камҳарц,
ҵыргәас инасҭалоит ахырҽхәара.
Иниасит ҩымшҟа. Аӡәгьы дсаӷьуам, дсацәҳауам, ҽыԥныҳәа сиҭом, аха абзиа аҳәарагьы рзыгәаӷьуам. Ираҳаз иашамхар? Дҭаркит, ашьауӷа иқәырҵоит шырҳәо, ани, алемсаа ирзымшьыз, деибга-деизҩыда дхынҳәыр, иҭыԥ аҿгьы
даанымгылакәа, диреқторс дҟарҵар, ашәҟәы изалазҵаз
апарторги Алиаси наҟ иқәырцар... Ас имхәыцуаз макьаназ
иныҵакны исарҳәон: «Иҳаздыруам, аибашьраҿы иҟаиҵаз,
аибашьра ҟалаанӡа дызҿыз. Аха араҟа, азауад аҿы иҟаиҵахьоу мацара изхоит дҭаркырц, уиашоуп, Алиас».
Дамшә сшьапаҿы инасыртәеит. Сымҿтәы метр нықәҵаны,
заҟа ӷәы, заҟа сантиметр иҟьаҟьоу, ажәпара заҟароу... Санаахашәало, стетрад жәпа аацәырганы, бацәажәара сналагоит.
Аха стетрад мацара акәу џьыбымшьан изыҩуа. Аҭӡыгазеҭ
ианысҵеит статиак. Петрович ихҳәааны изҩит. Ареволиуциа
иалахәыз... Аибашьраҿы ашьа казҭәаз... Аџьа аветеран...
Шаҟа исылшоз ирԥшӡаны инаҵазҩит Алиас Аҟәланба ҳәа.
Иаалырҟьаны азауад аҿы иҟалеит амитинг.
– Важное сообшьчение! Чрезвычаино важное сообшьчение! – ҳәа алафгьы наҵаҵо, ҿыҭуа днаҳалсит акадрқәа
рыҟәша аиҳабы. Уи, Анцәа иумҳәан аха, аибашьра ҟалеит,
уршьуеит ҳәа иоуҳәаргьы, алаф алызхуа уаҩуп. Африкатәи
ҳәынҭқаррак иадгылатәыз џьысшьеит, сҭаҷкәым раҵәаны
заа исырмазеит, шәықәҵны шәца ҳәа џьоукы рзы смақарырц.

Ус агәашәахь саанаԥшит. Сусеилкааҩ сылаԥш анынаиқәшәа,
иҟалаз еилыскааит.
Ацехқәа зегьы рҿынтә аусуцәа ҳаизыргеит азауад
ашҭаҿы.
Ахьархь, ашьалашьынырҭа, ашьҭыхга кранқәа уҳәа, зегьы
ааныркылеит.
– Аҩызцәа! – ҳзауад ашҭаҿы иҟаҵаны иҟоу асценаҿынтә
ҿааиҭит ҳдиреқтор. Ипапка кны ҿымҭ дивагылан сусеилкааҩ.
Ҩыџьа апрезидиум аҿы ианеидтәалоу, мамзаргьы асценаҿы
ианеидгылоу, цқьа бнарыхәаԥшыр, Адица, иаармарианы
дыбдыруеит руа дарбану реиҳа амчи абӷеи змоу. Мшқәак
уажәаԥхьа, Аҟәаҟа иансыԥхьоз, иажәа аҵкыс игәышԥы ргыланы, игәышԥы аҵкыс ихы ҳаракны, ажәҩан заҵәыкоуп
са­ра схыхь иҟоу ҳәа иҟаз ауаҩ, уажәы иҟар хҽны, ицәа
дҭалон дҭыҵуан, сусеилкааҩ дахьивагылаша, иарбан гану
издыруамызт. Ажәак аниҳәалак, исҳәаз иашоума ҳәа уи
ишҟа дынхьаҳәуан. Ачабра наиҿишьит, дааҳалаԥшит. – Ҳара
иҳазгәакьаӡоу, так сказат, ҳкоммунист партиеи, иҳазгәакьа­
ӡоу аиҳабыреи ирыбзоураны, аусуцәеи анхацәеи ауӷә ҳахәда
иқәхны, ҳажәҩахырқәа еибыҭаны, так сказат, акоммунизм
амҩаду ианыршәланы впериод ҳанцо, нынешнее поколение,
так сказат, акоммунизм агәашә инҭалараны ианыҟоу аамҭазы, џьоукы-џьоукы ҳара ҳаԥсадгьыл аӷа ирҭарц иаҿуп.
Иностраннаиа агентура иашпионцәоуп. – Ииулак имгәацәа
нхаирҟәалан, сусеилкааҩ ихы наидикылеит. Сусеилкааҩ
ишьапқәа днарықәгылан уи илымҳа акы нҭеиҳәеит. –
Ааи, ииашоуп, иностраннаиа разведка акәым, аха родина
предателра азыруеит, изменникра иаҿуп, так сказат, ажәлар ираӷацәоуп! – Иҭаҷкәым раҵәаны иҩышьҭихит. – Ҳара
дҳамбароуп ажәлар раӷа! – Ачабра ду наиҿишьит. Иӷәӷәаӡаны
исымҳәеи ҳәа ихы рҵысуа,аусеилкааҩ днаиҿаԥшит.«Хымԥада
Самсон Григорич аибашьра ҟалаанӡа Аԥсара даннеилак
абас акәын дышцәажәоз», – сҳәеит сгәанала. – Адиреқциеи,
азанааҭеидгылеи, акомҿарратә организациеи рыхьӡала, так
сказат, иҭабуп ҳәа иасҳәоит активныи комсомолец Алиас
Аҟәланба изменник дахьааирԥшыз. Сара ианакәзаалакгьы
дысцәымӷын Самсон Григорич Ҟәланқәыл. Сааигәара даа-

сышьҭуамызт. Аха ҳаргьы акыр ҳагзар замечание учтиом,
так сказат. Ҳажәҩа еибыҭаны впериод ҳцалап! Ура! –
анааиҳәаҵәҟьа, аху-хуҳәа ашра иҩалагеит Дамшә. Еиҭах да­
ҽа ӡыбларак саланажьуеит, Аԥсара сышьклаҳәуа ишсышьҭоу
еиԥш, ари алагьы уаҳа иаасԥырҵуам схәан, қәгыларақәак
рышьҭахь саргьы ажәақәак сҳәарц ишсацәажәахьазгьы,
ашьшьыҳәа снарылҵит. Иауамызт, исзеиқәыкуамызт Дамшә.
Ҳдиреқтор џьшьара дыргала инҵәо ҳәоук ааиҳәацыԥхьаӡа,
Самсон Григорич Фриц ифҩы наҿасуазшәа, алымҳақәа ркьацәны: «Аақ! Аақ!» аргон.
– Уаала, Дамшә...
Уажәааигәа ҳусураҿы дааит Петрович. Игәы азыбылуеит
изауад.
− Изакәызеи, Алиас, уааҟәымҵӡакәа утетрад иануҵо,
уаҳа инымҵәаӡо? – иҳәеит алаф сылхуа. – Даҽа фрицкгьы
уишьҭалама? Анцәа шәиныҳәароуп, ҳпарторг, уара шәеицхырааны!.. Ахәымга, егьараан абарҭ снапқәа рыла инапы
скхьан. Ухы апату акәҵара, иҟалап, унапқәа рыла иалагозар. –
Арымӡ ҳнеицықәтәеит. Ахьархь аус ауӡомызт. Ақыдқәа нҵәан,
иҩнаргалон. – Дырмит Гәлиа ишәҟәык аҿы саԥхьахьеит. Иҵас
бзиан ажәытәан аԥсуаа ишәымаз. Аԥсшәа иаҳәаразы ауаҩы
инапы шәымкӡозаарын.
− Ишԥаҟаҳҵоз, ҳиеихырхәозма?
– Умбои аҵәы шалоуҵо?! Шәхырхәозҭгьы иаҳа ишәзеиӷьын, иаҳа шәрацәаҩызаарын иахьа, аха уи даҽакуп. Ишԥарҳәоз аԥсшәа? Иарӷьа напы ҩышьҭихуан. Инапсыргәыҵа
дныҵаирԥшуан. Сгәы аартуп, абџьар скым, бзиала уаабеит
ҳәа аанагон. Сара исылшозар, ауаа ԥсыцқьақәа ааизганы,
ишәыхьчала, ахәымгақәа идышәмырклан шәнапқәа ҳәа
расҳәон, избанзар, иудыруазеи, ихәамгоу напык ануклак,
ахәымгара ацәыкәбарк уара ушҟагьы ииасуазар.
– Иашоуп, Петрович, аха, рыцҳарас иҟалаз, ахәымгақәеи
аԥсыцқьақәеи убасҟак еилысхьеит, реиҩдыраара зылшо
дсыздыруам. Иумбои, зҵаара заҵәык аҭак сыԥшаауеит
сҳәан, шаҟа тетрад сыҩхьоу. – Абарҭ ажәақәа анаасҳәоз,
даа­ҳадгылеит апаркеттә цех аҿы аус зуа ерманык.

− Ианҵала утетрад, ианҵала! – иҳәеит стетрад акарандашь
шаӷрасҵоз аниба. – Ишәзанымҵац зегьы анышәҵа аԥсуаа.
− Зыхшыҩ кьаҿу иажәа аууп, салам шәҟәык зҩып сҳәан... –
наҟ сыстол амгәа инҭасҵеит.
− Узлацәажәо зеиԥшроу еиԥш. Иҟоуп убасеиԥш иауу ажәа,
аҳәара уалагар, Алиас, уԥсҭазаара зегьы азымхо, – иҳәеит
Петрович. – Анкьа зны, уара, – аерманы инапы наиқәикит, –
уара ууа ҷыда, аҭырқәа...
− Ус шәеиуацәахааит иаргьы уаргьы!..
− Аԥсуаа ргәы ԥиҵәаӡазаап аҭырқәа. Арахь аурыс ҳәынҭқаргьы дрыӷрымӡааит. Лыхны ашҭаҿы еизан, аҭырқәагьы
даҳҭахым, аурыс ҳәынҭқаргьы наҟ даҳԥырихааит, ҳхатәы
ҳәынҭқарра ҳҭахуп рҳәазаап...
− Уаҳа акгьы рҭахӡамыз?! Асабицәа, ақьыԥшцәа! Ари еиԥш
адгьылаҿы, дара рхала, ираҭәазшьодаз... Ҳара, аерманцәа,
ахаҳәра ҳшыланхозгьы иҳамаркуане...
− Уаанҿас, уажәы аерманцәа шәтәы уаламган. Ирҳәоит,
убасҟан Лыхны ашҭаҿы уаҩы иимбац ашьакаҭәара ҟалеит
ҳәа. Еиҳарак ирыцҳарахаз, ибӷаԥҵәагахаз, аԥсуаа дара-дара
еиҿагылеит. Урыстәылоуп ԥсеиқәырхагас иҳамоу, ажәытәтәи
ҳдинхаҵара, ақьырсианра уи икаимыжьыц, ҳидгылап рҳәеит
џьоукы. Даҽа џьоукы, ҳара ҳамсылманцәоуп, аҭырқәа дҳамазааит, аӡәы инапаҵаҟа ҳаҟамзар анамух рҳәеит. Шьаарҵәырала рықәгылара хәаҽны ианалга, ианиҳәа, дцәажәазаап
нхаҩык. Аҭырџьманцәа аӡәы данааԥсалак, даҽаӡәы днаиддыргылон. Изхысҳәаауа, уи, жәлары ргәаҟра зҳәоз, уажәа уррацәеит ҳәа иаҽԥнызҳәода?! Еҳ, ашәҟәы ианҵаны
инхазҭгьы уи анхаҩы ииҳәаз...
− Ашәҟәы анҵара здыруа аерманцәа ҳауп. Ҳара ҳаҟара
дызусҭада зҭоурых дуу, – днахыҽхәеит.
− Шәара шәаҵкыс ҭоурыхла еиҵаӡам аԥсуаа, аха рыцҳарас
ирыхьыз, рышәҟәҩыра рцәыӡит, рҭоурых еиқәымхеит, –
иҳәеит Петрович.
– Ҳара аурыс генерал иаҳзиӡбеит анбанқәа, – сҳәеит.
− Уи азежәтәи ашәышықәсазы, аха уаанӡа?
− Уаанӡа аџьмақәа ҳрыцын. Баша ирҳәо џьушьома аԥсуа
иҭоурых аџьма иафеит ҳәа, – сҳәеит саахыхәмарны. Аԥсараа

ҳцәажәашьа аасгәалашәеит. Реиҳа бзиа иаабо ауаҩы аҵәы
илаҵаны ҳихцәажәоит.
− Убас шәхы алаф алышәхуа мацара, шәызҭахым
шәхыччо иалагеит, – иуамызт Петрович. – Шәара ашәҟәҩыра
аерманцәа раԥхьагьы ишәыман, аха уи аӡыблара иалаӡит.
Абџьари акалами напык иампыҵамӡеит. – Аерманы ишҟа
дынхьаҳәит. – Аҭырқәа шәнимырҵәеи?
− Хыԥхьаӡара амам шаҟаҩы ишьыз, – гәаӷла даақәыԥсычҳаит аерманы.
− Шәара шаҟаҩы шәыҟази шаҟаҩы ишьызи, аԥсуаа шаҟаҩы ыҟази, шаҟаҩы рыԥсадгьыл иқәырцази еидкыли, изакә
цифроу иуоуа убап. Зынӡа иқәӡааз аублаа раамышьҭахь,
первое место аанызкыло аԥсуаа роуп. Убриаҟара...
− Исыздыруам, Петрович. Аԥсуаа ҳҭоурых ҳәа ашкол аҿы
акгьы ҳадмырҵеит. Иагьабасҭаху ажәытәан иҟалахьоу. Сара
слымҳала исаҳаз убри ауп, сабду ԥсаҭа шкәакәа даацәажәар, ҳхәыҷқәа ӷьычны изҭиуаз ҭауади-аамсҭеи ҳаҟаӡамкәа
иааҳалгон аурыс иакәымзар иҳәон.
− Уашьҭалеи шәҭоурых, уашьҭалеи, узыԥхьо адетеқтивқәа
раҵкыс уанамҳәозар убап.
− Аԥсуаа зегьы ҳҭоурых сара иахьысыԥшаауа егьыҟам,
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 16
  • Büleklär
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3316
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2349
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3340
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2352
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3345
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2250
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3328
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2316
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3385
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2344
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3340
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2306
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3345
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2368
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3324
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2290
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3285
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2281
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3325
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2308
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3339
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2313
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3318
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2348
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3280
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2285
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3350
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2310
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3316
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2353
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3308
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2351
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3323
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2369
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3363
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2349
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 19
    Süzlärneñ gomumi sanı 3351
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2342
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 20
    Süzlärneñ gomumi sanı 3304
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2412
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 21
    Süzlärneñ gomumi sanı 3400
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2398
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 22
    Süzlärneñ gomumi sanı 3355
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2328
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 23
    Süzlärneñ gomumi sanı 3464
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2309
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 24
    Süzlärneñ gomumi sanı 4490
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1950
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 25
    Süzlärneñ gomumi sanı 4507
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1947
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 26
    Süzlärneñ gomumi sanı 4637
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1904
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 27
    Süzlärneñ gomumi sanı 3881
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2004
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 28
    Süzlärneñ gomumi sanı 3326
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2241
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 29
    Süzlärneñ gomumi sanı 3292
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2241
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 30
    Süzlärneñ gomumi sanı 3355
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2227
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 31
    Süzlärneñ gomumi sanı 3411
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2257
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 32
    Süzlärneñ gomumi sanı 3351
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2322
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 33
    Süzlärneñ gomumi sanı 3328
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2331
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 34
    Süzlärneñ gomumi sanı 3423
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2326
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 35
    Süzlärneñ gomumi sanı 3404
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2300
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 36
    Süzlärneñ gomumi sanı 813
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 627