Latin

Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 13

Süzlärneñ gomumi sanı 3280
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2285
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
шәыр­ччан, сӡамҩа днагәӡит. Аԥсаратәи аҳәынҵәа смагәқәа иҟаԥшьӡа иахьрыхьтатаз азыҳәан, акгьы ансалымҳәа,
сгәырӷьаҵәа, снапқәа аалыкәсыршеит. Маҷк аҟара илыццәагәышьоуп. Дышьҭысхырц салагеит, аха сымч анымха, снапқәа
шлыкәыршаз: «Бара, бара быда... Бара ибеиӷьу...» шысҳәоз,
ларгьы: «Иухьзеи, уаангыл, зны уҽеилых», – ҳәа дшаҿыз...
Аԥсҭазаара иунаҭарц уаҳа иуҭаху иарбану! Аӡы зҵабаз
алу сеиԥшха, схьанҭаӡа, сраҳаҭха, сҭынчӡа аиарҭа сахьықәиаз
хәыцрақәак схы инҭеибаҳәеит: «Уара уеиԥшҵәҟьа, ахаԥыцқәа ыҵхзар акәын, аҵәа ааҿыхны, ҳазхылҵыз ан илзыркыз
амаҭ. Дабаҟаз, иблақәа хҩазма, аԥҳәыс дшылжьоз имбаӡеи,
ҳазхылҵыз ҳаб?! Ацәгьа, абзиа, аԥсыцқьара, аԥсыҳарамра...
Маҭы заҵәык ҳаблақәа аахтны, даҽа мҩак ҳнықәнаҵеит.
Маҭы заҵәык иалшеит ҳамҩахҟьара...»
– Саргьы исаҳалартә иуҳәалар, – лҳәеит, ҳабзиабара
ашьҭахь, зган саваршәыз аԥҳәыс.
− Изакәызеи исҳәо? Аа, амаҭ аӡбахәу? Ҳқыҭаҿы сахьыҟаз, амаҭ збеит. Ишаҟара маҭыз бдыруоу... Аарла сыԥсы
ацәызгеит...
− Уԥсы ахьынӡаҭоу узлыцәцом, – ҳханы икыдыз афымца
лампа налыркын, лхы дааҩаханы, днасҿаԥшит. – Сара
иансаҳауа, амаҭ дзадукылахуазеи, абжьааԥны, уанааԥшуа
акәым, уаныцәоугьы лыхьӡ ҳәаны, убарџьеиуазар...
– Саҭабымҵан. Уажәшьҭа сацәцоит. Уамак сыгым. Џьоукы
шхәыҷу иажәуеит. Даҽа џьоукы, ианажәлакгьы, рхәыҷра иза­
лҵуам. Хәыҷы чымазароуп. Сымацара сакәым, ауаатәыҩ­са
зегьы убас ахәыҷы чымазарақәа ирхысуеит, – Анцәа идырп
еиласҟәаҟәаз. Иаҳа адгьыл ахь сналбааит. – Ҳцап азагс ахь,
уаҵәыҵәҟьа. Ахшара ҳауп, ҳхәыҷқәа рнапы ианкны, сасра
ҳцалап. Нас неихаркәа ҳамамкәа ҳажәып, амаҭацәа ҳауп,
убарҭ ҳааӡалап...
− Сыхаара, изуҭахузеи урҭ ажәа ҭацәқәа... Иҳамҳәахьеи
уи атәы, ҳаилибаамкахьеи... Иахьынӡауҭаху уҟаз сара сҿы.

Ууалафахәгьы уара иумаз. Исзыҟаҵа бзиара заҵәык – уаҳа
абрахь иааумган ула.
− Уажәы сшааиуаз Петрович иҿы снеин, аҵәыцақәакгьы
аажәит...
− Петрович иҿы сыҟан уҳәама?! – иаалцәымыӷхеит. – Уи,
хымԥада, зегьы уеиҳәон...
− Ишԥасаимҳәоз, уи маӡоума, иара идагьы шаҟаҩы ирдыруазеи, – сҳәеит, исеиҳәоз, зегьы ирдыруаз закәыз ҳәа,
акгьы шысзымдыруазгьы. Абраҟа исыхәеит Мегре изку аро­
манқәа.
− Дааҩналан, сааҭкгьы дыҟамызт...
− Дарбан? – сҳәеит зыӡбахә лымаз дшысгәалашәазгьы.
Изаҟаразаалак хыбаарак сгәаҵаҿы имҿыхеит.
− Уара усцәымгәаан. Думдыруеи...
− Иҭаацәароу ахаҵа...
− Еиҭа уалагахма, – анылҳәа, иаасгәалашәеит убри иӡбахә раԥхьаӡа ҳаналацәажәоз. Ауадақәа руак аҿы хазы
сыҩ­нан. Знык аҟара ашә изаасыртит аҵәҵәа асшьас
имаз анысзымдырцыз. Уинахыс иҵәҵәа абжьы шаагалак,
сара суа дахь сныҩналон. Аԥшәмаԥҳәыс лҿы иааиуа
ицо сара сусс иалоузеи. Ашьҭахь, ҳашнеиуаз, мзақәак
ааҵхьаны, аҳәаақәа ҳшырхысыз аҳәара заҭахузеи, уадак
ахь ҳаниас, уи иҵыхәала хыбаараҵас ҭыӡшәақәакгьы
ныҟасҵеит. «Дҭаацәароуп, иареи бареи шәеиқәшәоит, ари
ламысдароуп!» «Ԥаса акәын, уажәшьҭа акгьы ҳзеилам».
«Дзаауазеи?» «Ҩызак иаҳасабала». «Бара ихбырбгалоит
аҭаацәа». «Зегьы лдыруеит иԥҳәыс». «Агәра сызгом». «Уажәшьҭа акгьы шаҳзеилам иԥҳәыс илдыруеит»... «Акгьы
шәзеилаӡамзаргьы, хаҵак бзиа дбауа, даҽа хаҵак иҟны аус
быманы, ари ламысдароуп». «Изцырфозеишь убри, аламыс
ҳәа узҿу! Сара сыҟоуп ишысҭаху. Бзиа ҳаибабон. Иара иха­
ра, сара исхара, изуҭахузеи, ҳаинасыԥымхеит. Исзынхеит
сыбзиабара азыҳәан агәалашәара бзиа, иар­гьы убас. Мызкы
ҩымз рахь знык-ҩынтә ҳаиқәшәоит. Уа­ра дуԥырхагам.
Уаргьы ухы уақәиҭуп, саргьы». Убасҟан илҳәаз абарҭ,
еиҳарак аҵыхәтәантәи ажәақәа, сара сгәы иахәаны сыҟан.

Адунеи зегьы ҳхаршҭны, ҳабзиабара реиҳа ҳаналаҭхаџьуа
аламҭалазы, ажәа ҟәымшәышәқәа рҳәара даналагалак,
сгәанала, дысмышьцылааит сҳәон. Амц исҳәоз схаҭагьы агәра згоу, еиҭасҳәахит уажәы.
− Азагс шыҟаҳҵалак, аӷба ҳалҭалап, ҳақәҵып мызкаҟара.
− Амцхә ужәит, уцә, сыхаара...
− Ибҭахызар, уаҵәгьы ибасҳәоит. Схы сақәиҭуп. Уаҵәыҵәҟьа ҳаибагоит.
− Уҽушьуазаргьы суццаӡом. Закәанла аҭаацәара, закәан­
ла ахаҵа-ԥҳәысра... Ҳазшьаҳақәо ҳзымхошәа, изаҳҭахузеи,
ахақәиҭра зҭахымыз ирыӡбаз ашьамҭлаҳәқәа... Уҟанаҵ уҟаз,
угәы ишаҭаху. Егьа цәгьа уеиҳәеит уаха Петрович. Сҩыза
данын­дәылҵуаз, ашә аасыртит, алымҳацәқәа ркьацәны, ашә
ила­гылан ула. Сцаны, Петрович дааганы, наҟ игаанӡа, сысас
аҩны дыздәылымҵит.
– Сара Петрович акгьы сеимҳәеит... – сара саныҟам, убри
ауаҩ даҽазны абра данааи ҳәа ажәақәак сҳәарц сқьышә
инықәыххит, аха убри аамҭазы, сыбла иаахгылеит Ахеивҟьа
ичараҿы ҳанеицыкәашоз, банаасыхәаԥш... Иаанагозеи, уара
насыԥ умазарц азыҳәаноуп, Адица Маџьгана дызиццаз ҳәа
Мери исалҳәаз? Ари ахшыҩҵак актәи ахәҭа – сара насыԥ
сымазарц – еилыскаартә сыхшыҩ азхагәышьом, аха аҩбатәи
ахәҭа...
Ачараҿы ашәаҳәара, акәашара... Шаҟа иԥшӡаны деилаҳәаз
гәабҭоу Ахеивҟьа? Исхашҭуам ииҳәаз: «Шәара, зыхшыҩ аарҳәу аԥсараа, амаҟарацәа цаанӡа, сыхьӡҵәҟьа шәҳәала, мам­
зар шәҭаца дырхынҳәны дыргоит». Сыцәап, сыцәап, ииашаӡам
Мери илҳәаз, исхасыршҭып... «Уара насыԥ умазарц...»
Ашара акыр агын, Дамшә ԥхыӡ избан, сааԥшит. Сиан сыԥхыӡ сазхәыцуа иаацәылашаанӡа. Ԥхыӡла избеит Дамшә
сара исеишуа. Ашьац кашьшьы шҭа ԥшӡак иқәгылахуп. Сыхынҳәра иазыԥшуп. Ус сгәы иаанагоит. Сласны агәашә снадгылеит. Иаасыртырц сҭахуп. Агәашә анаасыртлак, уҭамлан ҳәа
исзыҵҟьоит Дамшә. Аӷьеҩҳәа иныдсыкшалоит, еиҭа аартра
сналагоит, еиҭа иҩасзыҭрысуеит. Ахьӡ анысҳәалак, иаҳагьы
игәааны ашра иалагоит.

Абарҵа снықәгылан, ашьхаҟа снаԥшит. Ариабжьарак зхызҿы ҭаҳәҳәаз ашьхақәа, уажәы рыҽхыртын, џьаргьы ԥсҭҳәацк рҿаршәымызт. Иҿыцны иаақәнаршәшәызар акәхарын,
убас ишкәакәан, убас ицырцыруан ашьхақәа ирықәжьыз асы,
ублақәа хнакуан. Исаҩсхьоу амшқәа реиԥшҵәҟьа, инасхасыршҭит иахатәи сыԥхыӡгьы. Сласӡа, ашоура бааԥс ашьҭахь
ақәаршҩы иаӡәӡәаз аҵиаа саҩызан.
Аԥшәмаԥҳәыс ашьыбжьышьҭахь акәын лхәыҷбаҳчахь
дан­цоз. «Шаҟа ҟәышраны иҟалҵазеи, иахатәи сыбарџьеира
да­хьа­зымхәыцыз... Ахақәиҭра аҵкыс еиӷьу иҟоузеи адунеи
аҿы...»
− Шаҟа исылшоз сышьҭыбжь рхәыҷны, амардуан сналбаан,
Дамш сызламбашаз ала аҩны ашьҭахьҟа сындәылҵит. Снаскьаны саахыкәшан, амҩа ианыршәла сҿынасхеит азауад
ахь. Ишысҭахӡамыз, даасгәалашәеит ахьча-ҭаҳмада Гәдиса, аха ирласны наҟ дысҟәысцарц иара изыҳәан сгәанала
аӷьра салагеит. Уара бзиа улбозшәа дуҿаччауа, Маџьгана
дышизхәыцуаз еиԥш Адица, уара акы ануеиҳәоз, бжеиҳан,
игәы даҽакы ҭан убри аҭаҳмадагьы. Иаанагозеи, ауаатәыҩса
Анцәа дрымухыр, аҩсҭаа дынцәартәуеит ҳәа ииҳәақәоз? Уи
зеиӷьаҟам ала идыруан, Аԥҭа иҟаиҵаз шхаҵарамыз. Иарбану ихаҵаразы...
Наҟ днасԥырысцеит аҭаҳмада...
Даацәырҵит... Дгьежьы-хынҳәуа ақыҭа далоуп Аруҭан.
Ихы ахьигара издыруам. Дызбалак, алаапк рԥылазшәа,
рҽыԥхьаркуеит. Мсыгәда диԥшаарц, диманы дықәҵны дцарц
иҭахуп...
Имаҟахы иаавҵихын, иуапа инцәыҵырҳәҳәаны Баӡ атапанча наииркит саб.
Аԥҭа инышәынҭраҿы ажәеинраалақәа ҳрыԥхьоит, ашәҭқәа
ықәаҳҵоит...
Сара исхарагәышьоузеи, иара иитәымыз амашьына
дақәтәаны дызцазеи Алхас...
Иԥсыцқьақәоуп ҳәа зхы зыԥхьаӡоз ахацәа, аԥҳәыс лас
лымахцә данкны днаргеит ҳазшаз иҿы. Аӡәгьы изымгәаӷьит
ахаҳә аашьҭыхны лгәыдҵара...

Бгәы иаанамгааит, Адица, асеиԥш иҟаз агәҭацәажәара
ауаатәыҩса сгәы рыхнаршәеит ҳәа. Аҵеџь аҵа ккаӡа
иубар, аӡыхь ажәра уаҟәыҵуама? Сгәы рыхшәара акәым,
аӡәгьы сегьизымгәааит. Ус ҳшоуп, ус ҳаҟоуп. Узмырҭынчуа
науқәублаар... Шаҟа ибзианы иҟасҵазеи Петрович иахьисҭаз
Дамшә. Ахаан сҟамлацызт абри ашьыжь аҟара сқьианы,
сраҳаҭны, схы сақәиҭны. Адгьыл ласхеит, ажәҩан ҳаракхеит.
Иҭыԥ дықәҵамкәа исзынханы иҟаз аӡәызаҵәык иакәын.
Анцәа дшаҳаҭуп, схаԥыцқәа аныҵихыз аҽынгьы ашшыԥхьыӡ
сара исмыҩӡеит, уимоу, адырра ҟазҵазгьы сара сакәӡам.
Ицәнымхо адиреқтори иҩызцәеи дҿырхааит. Имҳәеи
апаркеттә цех абригадир, ҩынҩажәижәаба, ианеиҳаха шәкубаметрак абна дҳазтәоит ҳәа... «Абза дашьуеит, аԥсы
даргылоит», – инацәақәа неихьшьны инасирбеит аԥара азыҳәан. Анцәа иџьшьоуп, амыждараз сан ислыркыз уи аласба,
уи инацны Аԥсара, нас иаланхо неидкыланы... Убриаӡәк,
Фриц, мап, Самсон Григорич заҵәык... Абыржәы, азауад аҿы
сышнеилак, Фрици иареи рҩызцәа «аклиаузник» зыхьӡыр­­ҵаз,
апарторг схы имырбакәа сыҩналап адиреқтор иҿы. Ателе­­фон
аақәиԥаауеит, инықәиҵоит. Усоуп ҟазшьас ишимоу, икаби­нет
ушааҩналалак, ателефон аақәԥааны, илымҳа инадкыланы,
«ффу-ффу!» ҳәа дынҭаҭәҳәоит, инықәиҵоит. Ирыздыруамызт
абырзенцәа ателефон, мамзар Антеи амч илазҵо адгьыл ауп
ҳәа алегенда анаԥырҵоз, хымԥада, адгьыл аҭыԥан, ателефон
рҳәон. Уахьынӡаиацәажәогьы знык, ҩынтә, абжьы мгаӡаргьы,
иаақәԥааны, инықәикшоит. Сшыныҩнашылалак сара иаақә­­
ԥааны, слымҳа инадыскылар ателефон? Исзыҟамҵо зысҳәа­
рызеи. Иҟасҵаша убри ауп, ҳхала ҳаицәажәар сҭахуп ҳәа,
ашә насыркып икабинет. Уааишь арахь, аԥенџьыр аҟынӡа.
Иубома абанҭ ашьхақәа? Згәахы ҵааршәны игылоу, асы
зқәыжьу ракәым, урт ирыҵагылоу, ауапа дҭашьшьы игылоу
амаҳә иеиԥш, иҭалаҳа аеҵәара зҿиаау? Убарҭ ашьхақәа
рыҵаҟа ишьҭоуп сқыҭа Аԥсара. Убри уахьнавсуа, ԥсҭа еиҩы­­­
хаараны унҭалоит. Аккара уныҵалоит. Ашәҵлақәа, ҵы­хәа­­
ԥҵәарада ашәҵлақәа, ахьақәа, аџьқәа... Ихараны уаа­
наскьар, наҟ, Ԥсҳәы азааигәара ииуеит аа-ҵлақәа. Изакә

ҵлоу, аԥҟара шыҟамло умдыруеи аа-ҵла? Уаангыл, ателе­
фон шьҭумԥаан, изуҭахузеи, сара схаҭа иуласҵоит амч.
Саргьы аӡәыҳәа сышәзацлар, уи мчӡами? Уара, Самсон
Гри­­­горич, шәҩызцәа, еимҵәаны аҭира шәаҿуп. Дгаӡазма
Хәа­џьа Шьардын? Иџьмақәа еимырҵәо ианалага, иаргьы
акы ахы кны дахеит ҳәа ихыччоит. Иарбану изихыччатәу?!
Хыкгьы изалымгар иаҳа еиӷьызма? Абас ҳаицәажәап.
Аминауаҭра шьҭасҵап, ашәҟәқәа зҩып, сашьҭалап, уаргьы
усыцхраа, доуҳашьҭып Самсон Григорич. Шықәсык ааҵаанӡа, исхатәны снақәшәыртәоит... мап, «Победа» сҭахӡам,
«Москвич» сызхоит. Маҵкәа лхаҭа дшалагыламызгьы, ахәра бааԥсқәа лзыннажьзар аибашьра, Фриц ихароузеи! Иа­
ҳагьы ихаҵараӡами, алемсаа равчаркақәа дырзымфа-кәа
дхынҳәызар? Иумдыруеи, сызлыҵыз ақыҭа кҿаха? Уаҳа
ак­гьы ҳаиднамкыло, ҳаилгеит иацы, иаха. Уаҳа егьыҟам
сышьҭахьҟа, ԥхьаҟа, ԥхьаҟа сыԥшлароуп...
Абас схәыцуа, игәырӷьахәха ажәҩан ахь аҩеира иаҿыз
амра егьцацәамкәа, егьыхьшәашәамкәа исхалашо, азауад
агәашә сынҭалеит. Аҟарул, «Самсон Григоричраа» ирҭынха
гәакьоу, дсымбаӡазшәа ҟаҵаны абжьааԥны сзывслоз, снеиҿаччан, снаиеихырхәеит.
– Ухшыҩ, ҭашәазаап, уажәшьҭа ууаҩхеит, – иҳәеит иаргьы.
Снапы аанкыланы аԥсшәа сеиҳәарц, инапы ахьҩышьҭихыз,
идысызшәа иаанхеит, иқьышәқәа ирықәлаз аччаԥшь неиқәыцәеит. Иҟалазеи? Сышьҭахьҟала ҳақьыԥсықьыбжьык
саҳаит. Мцабзк нкыдыҷҷалазшәа, сызқәа аачыхә-чыхәт.
Схьаԥшаанӡа, исгәыдԥалахьан Дамшә. Анцәа бҟаимҵааит
алаҵәҟьагьы аблақәа рхыԥшылара бцәыцәгьаны. Аԥхьатәи
ашьапқәа руак изықәгыломызт. Петрович актәи аетаж
аҟны ауп дахьынхо, аԥенџьыр, ааиртызҭгьы икылԥеит. Мап,
исанажь, саҭанаумҵан, уснаԥхеит ҳәа ахаҿы ашьышьра,
сгәыдыҳәҳәалара саламгеит. Асаркьа саныԥшылазшәа...
Убасҟак сазгәааит, сацәхасит шьапԥықәла.
Санынаскьа, уажәшьҭа исзыҭрысыргьы ишәарҭам, ашә
аркра сахьӡоит ҳәа иӡбазар акәхап, зҽызҵәаххьаз аҟарул,
абудка ашә аартны, ихы ныҭирҳәҳәан:

− Еи, аҩыза, адиреқтор дуԥхьоит! – иҳәеит.
− Дабатәи диреқтору! Иумбаӡои, Дамшә ашьапы хҳәыцит!
− Унеишь уаҟа, унеишь, Дамшә сыздыруам, аха ухаҭа
ушьапқәа бзиашәа ихирҳәыцып адиреқтор. Агәашә дшааҭалалак дысзынашьҭ иҳәеит. Аҩыза, сара «плеват хотел» уара
уиаша, сара абри сҭахуп, аа, иубома, абри, ԥара-ԥох-ԥул! Ацех
уҵамлан акәымзар, иухьчо абна укәыба алхра ҳақәшәоит.
Апремиа зцәыӡыз аусуцәа ахьархь унаҿарҵоит, ҳе-ҳе-ҳе! Ани
деибгазар, Самсон Григорич дааҭыганы, иҭыԥаҿы укәаԥӡа
уара унҭаиртәап! «Освободить по собственному желаниу!»
Ҳе-ҳе!
Сынкажьцәеит. Ахәда ааныскылан, иаасшьышьит Дамшә. Аҭра инҭаскит. «По собственному желаниу» Аԥсара
сықәҵхьеит. Исызхоит.
Ашә анаасырт, адиреқтор дызбаанӡагьы, ибласаркьақәа
насҿаҷҷеит апарторг.
− Ма амаӡаныҟәгаҩ илазҵааны, ма ашә иасноуп ишыҩнало, дикарь! – иҳәеит адиреқтор. Апарторг дҩагылеит, ажәак
мҳәакәа, снапы рыӷәӷәаны иааникылеит. Сымч инацлеит. Днеин дахьтәац, адиреқтор иаԥхьа астол днадтәалеит. Игәасҭеит,
апарторг убра дшыҟаз сахьнеизоуп адиреқтор дзыргәааз.
− Уажәшьҭан сааип, – сышьҭахьҟа сынхьаҵит.
− Уаанҿас, – иҳәеит апарторг. Адиреқтор ишҟа дынхьаҳәит. – Сгәанала, араҟа маӡа ыҟам?
− Ааи, ҳәарада, мап, џьоушьҭ, амаӡа абаҟоу... – ибз неила­
ԥаҭеит адиреқтор. – Уара дуԥырхагазар сҳәан... – ателефон
ашҟа инапы аҿынаирхеит, аха ашырҳәа даахеит. – Аҩыза...
Аҩыза... Иухьӡузеи? Алиас. Иаарыцҳаит. Срочно Аҟәаҟа уца­
роуп. – Апарторг днаихәаԥшит. – Амҽышаха, иацы, стелефон
ԥшааны, апрокурор ихаҭа дысзасит, ашьыжьымҭан сара
сҿы дыҟазароуп иҳәеит. Сара иасҳәеит, сусуҩы зынӡаск
дашшӡом ҳәа... – даасыхәаԥшит. – Ииашами, Алиас исҳәаз,
уара уашшӡом, усами?
Сара ҿысымҭӡеит. Уажәы снызкылаз зынӡаск даҽакуп.
«Игәаӷ умазар, ухаԥыцқәа ыҵихызар, уашшноума ушьа шууа?
Уи хаҵароума, ус акәызма уабацәа ишыҟарҵоз?!»

– Еисра хәыҷык азыҳәан абриаҟара аус алхра абаҭахыз?
– апарторг иакәын арҭ ажәақәа зызкыз. Иџьасшьеит, иаахтны уи иаҳәара ахьизымгәаӷьуаз. Иҟазаап даҽа мчык,
«самсонгригоричраа» зыцәшәо. – Иасҳәеит апрокурор, ҳара
иҳашәҭ, азауад ахь, товаришьчески суд ҟаҳҵоит ҳәа...
− Самсон Григоревич иус товаришьчески суд ала изалымгар ҟалап...– иҳәеит апарторг. Исзеилымкааит, схаԥыцқәа
ахьыҵихыз товаришьчески суд азхом ҳәа акәу ишиҳәаз,
мамзаргьы...
− Егьирахь, уаҳа?.. – дахьтәаз даашаҵәышаҵәит адиреқтор, еиҭа инапы аҿынаирхеит ателефон ашҟа. Ишьҭиԥаауеит,
уинахыс нкылашьа иоуам. Днамҵасуаны, иҽааникы­леит.
Адгьыл данаҟәырҭха, имч наилӡааит Антеи.
– Егьирахьгьы, уара иузымдырқәо ыҟоуп. Ҳагәҩарақәа
шьақәнарӷәӷәеитоуп уажәы иҟалаз, – зынӡаск исзеилымкааит
апарторг ииҳәаз. – Даҽа органқәак азҿлымҳауп ари аус.
– Исыздыруам, сара издыруа убри ауп, дҭаркижьҭеи
ҳаплан каҳаит.
– Иара дышдиреқтору, амҳәыр инапы ишаку ҳирдырырц
иҭаххеит.
– Сара отвечат ҟаҵсоит, сара сымацара снапы аҵазҩит, –
уара унапы аҵаумҩит, аха ҳәа аанаго апарторг днаихәаԥшит,
– исышьҭит ихарактеристика. Иҿырԥшыгоу усуҩуп. Даншо­
ферыз ашоферцәа раԥхьа дгылан Самсон Григорич. Бригадирс даныҟаҳҵа, ибригада абригадақәа зегьы раԥхьа
игылеит. Иара иҟаиҵо аҩыза аснабжениа дарбану аҟаҵара
зылшо. Шаҟа узхуа хла, иеиқәижьуан ақды... – ашәақь
зхоу аԥсеиԥш, акалам зкыз инапы, ашьшьыҳәа ашьхаҟа
аганахь инаирхеит, абнахьынтәи акәын Самсон Григорич
абна ахьаҳзааигоз ҳәа ҳаиҳәарц. – Сгәы изыԥжәоит, уара,
абри... Дзакә уаҩузеи апровокациа ззиуз, – усҟан ада
исмаҳаӡацызт ари ажәа, аха ишыбзиамыз аҟара уеизгьы
издырит, – апровокатор, уаҳа акгьы. Абарҭ ҳашьхақәа, ҳашь­
ха гәакьақәа рҿы данааи, атәра ҳҭеиҵарц ианақәик афашист
шьажәҩы, хацәынмырха диҿагылеит апатриот иаша Самсон
Григорич! – атрибуна дықәгылазшәа, инапы еиҵыхны
даалеиҩеит икабинет аҿы. Инацәкьара ҭахәқәа насықәикит.

– Ҳара иаҳуалуп абри иеиԥш иҟоу аклиаузникцәа, честни
коммунистцәа рцәа ԥызҽуа, ҳсоветски обшьчество ралцара.
– Икресла днықәтәеит.
– Успокоитес! – иҳәеит урысшәала апарторг. – Зегьы еил­
каахоит. – «Атрибуна» даалбааит адиреқтор. Ҳәыркьирак-гьы
иблақуа ирхылан, даасыхәаԥшит.
– Уара, амыждараз абнаршәыра илҵыз, иҟалазеи, еимашәкызеи?! Уан, хорошаиа крестианка, абра дыҟан, дсыҳәеит,
усзихылаԥш, ида дҳамаӡам ҳәа. Убри лаҳаҭыразоуп акәымзар,
за клевету абахҭа уҭасыртәон, уҟаӡамшәа... – иҭаҷкәым убас
астол иқәырӷәӷәаны иқәирҵәиааит, Анцәа иџьшьоуп, астол
схәыҵазыжьыз иара иҭаҷкәымқәа ахьракәмыз, мамзар,
ари иҭаҷкәым акәызҭгьы... Исызнауаз бымбои, сахьымаара
сашьҭуан.
–Успокоитес! – иҳәеит еиҭах апарторг. Иҳәашьа убас
иҟан, уҽнумкылар, уус иаҳа еицәоутәуеит, ушыбзиоу уаангыл.
– Сара иуасҳәахьеит, Самсон Григорич ихы-иҵыхәа цқьа
еилыркаарц ашәҟәы алазҵаз дарбану.
«Шәеиԥшуп Фрицгьы уаргьы. Ишәырхит, иқәышәхит,
ишәҭиит ҳабнақәа. Афашистцәа раҵкыс шәеицәоуп». Бызжьар акыр исыхәома, арҭқәа акгьы сзымҳәеит икабинетаҿы
сангылаз. Иахьнеитәу, насгьы иарбан сааҭу саннеиша аамышьҭахь акгьы сзымҳәагәышьеит. Сгәы иҭоу сҿы исзарҳәом
бжеиҳан. Издыруада, Аруҭан данҭарк, уи усеиԥш ҟаиҵомызт
ҳәа аныхаҿы иноугаргьы иқәуаз, ргәы иҭаз иаахтны ирызмырҳәаз аҟәыҵәа хәыҷык, аӡыхь асырӡы аналало еиԥш,
саргьы сшьа иалазар?! Иахьӡузеи исызмырҳәо?
– Мап, акгьы мап ацәыскӡом, – сҳәеит аусеилкааҩ иуҳәаз
акыр мап ацәукуама ҳәа дансазҵаа. Схаҭагьы иџьасшьеит
шаҟа снақәыӷәӷәаны исҳәаз. Уԥсы уақәыԥшыр, узқәымгәыӷӡо
мчык узцәырҵуазаап. Апрокурор иахь снеиаанӡа аханатә сус
знапы ианыз аусеилкааҩ иҟны сныдгылеит.
– Иугәаласыршәоит иуҳәаз, унапы зҵауҩыз: «Гәҩарас дсы­
моуп. Аконцлагер аҟны дыҟан. Афашистцәа дрыдгылеит».
– Исҳәеит. Амаҭ зыршьуа абз азыҳәаноуп... За клевету...
– Дарбан?! – исзеилымкааит дызхыччоз. Ижә аҵша аризшәа, гәырӷьараха исит. – Иудыруама иара, Самсон Григорич

Ҟәланқәыл, абас уеиҳәама ҳәа саниазҵаа ииҳәаз? Мап икит.
Ижәны ҳаҟан, баша еимакык ҳауит иҳәеит.
– Ииашану?!– саагәырӷьеит. Ауаҩ бзиа ицәа ԥысҽзаап,
сажәа сақәӡыр иҭахымзаап сгәахәт. Схы сназгәааит. Егьиашаҵәҟьаны, исымҳәазар? Сахьазхәыцуаз аҟнытә исҳәаз
џьыс­шьазар? Аха ажәа «аконцлагер» анысҿыҵҟьаҵәҟьа акәӡами схаԥыцқәа... Сусеилкааҩ игәалаҟара бзиа сара сахьгьы
иниасит. Аӡы иагоз дыччон ҳәа, сааԥышәырччеит.
– Иҟалеит, аха изакәызеи иҟалаз!
– Сара сахьиз ақыҭаҿы дынхоит, Ахеивҟьа зыхьӡырҵаз
аӡәы. Акы аауҳәар, иаарҳәны уазхәыци иҳәоит. Аԥсараа ирҳәо аарҳәны иаҳауеит. Уи иеиԥш, сара исҳәаз иара инарҳәыаарҳәны иаҳама? – амҵақьақьара злыжжуаз сԥышәырччара
сқьышә инықәбеит. – Ала анизыҭрыс, ахәыцха имоуӡакәа,
Фриц иавчаркақәа... Иуасымҳәахьеи. Урҭгьы мап рцәикма?
– Мап ахьырцәикызоуп иаҳагьы еиӷьхаз, – ихы-иҿы иқәыз
алашара инацлеит. Раԥхьа дансацәажәозгьы; игәасҭахьан,
игәы иахәаша акы аниаҳалак, амра зҵаԥхаз ажәҩан еиԥшхон
ихы-иҿы. – Иааркьаҿны иаҳҳәозар, аҩыза Ҟәланба, аусқәа
злацо ала, амакарич узыҟаҵара сықәшәоит.
– Асҟак пату сықәҵаны сышҭаркуаз здыруазҭгьы... – асаркьа саныԥшылозшәа избеит сыблақәа еиҭа ирхыҳәҳәылаз
амҵақьақьара. Схы сцәымыӷхоит, исызнымкылакәа, усеиԥш
ианрыԥшышьоу сыблақәа.
– Амедал аҭатәуп ула. Акәты ашьыга ашьаԥхыц иҵнахуеит.
Иуԥхьада зугәахәуа? Нхыҵ-Қавказтәи арратә прокуратура
ахаҭарнакцәа ҩыџьа.
– Аоркестр ҟамлаӡои санҭаркуа?
– Ишԥеиҳәеи, уара, Ахеивҟьа? Инарҳәы-аарҳәны иҳәама? Сара исҳәо уара инарҳәы-аарҳәны иуаҳауеит, – шаҟантә
дсыҿцәажәахьаз, дсазҵаахьаз, дсыԥхьаны сааигахьаз, уахь,
азауад ахь шаҟантә днеихьаз, аха уажәы еиԥш дысмацәажәацызт. Инаԥшуа агәра зымгарыдаз, арҭ еиҩызцәоуижьҭеи
акрааҵуеит ҳәа. Сызқәа днас-насит. – Амакарич узыҟаҵара
сықәшәеит, амакарич! Уара иубзоураны изакәу усу иааԥшыз!..
Иузыԥшуижьҭеи сааҭк еиҳа ҵхьеит. Араҟа уаатәа, еилыскаап.
– Акабинет аҿы сааныжьны дындәылҟьеит. Аҭӡамц аҿынтә

дсыхәаԥшуан Ӡержински. Саалеи-ҩеин снеины, сусеилкааҩ,
иҭыԥ аҿы снатәеит. Қьаадқәак снарыхәаԥшуеит, саԥхьошәа, арезолиуциа ақәсыҩуашәа, аручка ааныскылоит, наҟ
инықәысҵоит..... Сшьапқәа рҿынтә аҿаанахан, ашьшьышышьыҳәа инеиуа, инеиуа мацара, схацәқәанӡа иаасылсит
исымбаӡацыз, исзымдырӡоз мчык. Адәахьы санагәыдыԥшылоз, сгәаҵа аҵаа хьшәашәа ҭазҵоз аҩны, араҟа, аҩныҵҟа
уаныҩнатәоу... Ателефон слымҳа инадыскылеит. «Шәабаҟоу,
иахьа жәантә сышәзасхьеит. Сабантә асуеи бымбои, Адица,
скабинет аҟнытә!» Днаухәаԥшыр, угәы иҭоу идыруан рҳәеит,
абни, Ӡержински. Шьыри, знык аҟара Самсон Григорич
дихәаԥшызшәа дыҟандаз... Дааҩнашылеит сусеилкааҩ. Уажәы иаҳагьы ашьхақәа ирхыҵны, иаҳагьы ажәҩан ҵнарлашаахьан илакыҵақәа ирыҵԥхаауаз амра.
– Уаҵәы ашьжьымҭан, асааҭ жәба рзы иузыԥшуп. Араҟа,
сара сҿы уааи, усыманы снеиуеит. Уагымхароуп, еилукаау?
Арратә дисциплина. Иухумгахьеи арра?
– Танкист первого класса! – Схы смырҽхәар, уаҳа сзырҽхәода.
– Азауад аҿынтә узаарым. Уаха уаала сара сахь. Ашахмат ҳасып. Ҳаицәажәап. – Даасыхәаԥшит. «Аҩныҟа сганы,
сыргәыбзыӷны, иҵегьы сирҳәоит, нас иаарҳәны... «Самсон
григоричраа» игәы ҟарҵаӡазар ҟалап. Изысзыҟамҵарызеи
амакарич...» – Иџьашьаны узсыхәаԥшуазеи? Ала ижәҵаны,
дыршәаны Самсон Григорич иурҳәаз ласҳәан, дшыччоз лкьатеиах ԥҵәеит сыԥшәмаԥҳәыс. Акриминалистикаҿы иҿыцӡоу
методуп лҳәеит...
– Шаҟантә ишәасҳәахьоузеи специально ала ичсмырчеит
ҳәа...
Ателефон абжьы анга, иаақәиԥааит. «Сыргәыбзыӷны
шьац­ҳәак саҿаиршәуеит...» Ателефон ықәиҵаанӡа снаиеи­
хырхәан:
– Иҭабуп, учеиџьыка иазҳааит. Уаҵәы иануҳәаз сааиуеит, –
ҿагәыбзыӷра ччаԥшьк сқьышәқәа инарықәҵаны сындәыл­ҵит.
Ирҳәоит, ауаҩы ибз зимоу игәы иҭаҵәҟьоу алаиҵәахырцоуп
ҳәа. Ус акәзар, сара сыхшыҩ мацара акәым, сыбзгьы аарҳәноуп ишсыхәлоу. Аҵәахра ацымхәрас, сгәы иааҭаҵәҟьоу

зегьы аҳәоит. «Уара сара сузжьо џьушьома, асҟак узысҿаԥхаҿаччо «самсонгригоричраа» чамсҟәыл дук уҿыршьит...»
– Уаала, уара, уаха аҩныҟа, – иҳәеит еиҭа, ателефон наҟ
даанаханы.
– Иҭабуп, Аҟәа џьарамкәа-ҩыџьарамкәа сахьнеиша
сымоуп,– ианысҳәаҵәҟьа схы иааҭашәеит, икалам аанкыланы,
ишыҟаиҵац, иабанхои удырцәа, ирыхьӡузеи, ирыжәлоузеи
ҳәа дсазҵаар исҳәозеи ҳәа. Аха убри аамҭазы, ииашаҵәҟьаны аҩныҟа снаиԥхьозар, сусқәа цәгьамзар ҟалап ҳәа сгәы
иааҭашәазоуп Аҟәа сахьыԥхьаша сымоушәа сзырҳәаз. Ба­ша
ирҳәоит, амцҳәара зхылҵуа ашәыргәындароуп ҳәа. Агәырӷьарагьы амц анунарҳәо ыҟазаап.
Ателефон нықәиҵеит. Снапы аасымихит. Сҟәаҟәа днаснасит, убӷа риашала ҳәа аанаго.
– Уаҵәынӡа! Ровно жәба рзы.
Сындәылҵит. Арахь санаауаз аҵкыс иаҳа иласын ажәҩан. Абасоуп ушҩашьо, Алиас. Ишԥеиҳәеи Самсон Григорич? Аҩыжәра иахҟьаз баша еисроуп, сцәа ԥызҽыша
акгьы сеимҳәеит, сгәаӷ иман апарторг, убри иоуп зегьы
еиқәзырҽаҽаз иҳәеит. Бзиарамзар цәгьара сзызымуц ауаҩ,
Алаҳәа Еиқәаҵәа ҳәа Аԥсара зыӡбахә рҳәо дидкыло... Сыхшыҩ аарҳәызар, сусқәагьы мнаҳәы-ааҳәышьас ирымаз... Иахьагьы уқәгылеит урҭ ажәақәа иасҳәаҵәҟьеит ҳәа. Арратә
прокуратура...
Амардуан сналбааит. Атротуар сахьнықәгылаз, ҵла дук
снапы надкыланы саангылеит. Аԥшахь анысҿас, насгьы ани,
схы сгәы ахзыршәоз амҵақьақьаратә ччаԥшь, аҩны аҩныҵҟа
ианынсыжь, сшьара саақәлан, иаҳа суаҩны схы сыԥхьаӡо
салагеит. Изакәыз ажәала еиҭасҳәартә исыздыруам, аха
исзыхынҳәит, сцәыӡра иаҿыз бзиарак.
Басла ацҳа иқәҟьаны, аҵлеи сареи рхы ҳақәк икәалаауа
зҿаазхоз амашьынақәа, ианааҳзааигәахалак, инхаҵәиааны
анаара инаҿашәкәа ицон. Убасшәа сгәы иааснаҭеит. Саб
иашҭа аԥынҵаҿы, ҳца аԥхьа сгылоуп. Иааилашәшәуеит.
Ахәылԥҵарақәа ажәҩан иалхәхәа, аца рхы ақәкны ишааиуа,
ианаадыххылалак, рымҵәыжәҩа ԥшандага еиқәаҵәақәа
хьарнаауа, инаваԥырны ицоит еиҭа ажәҩан ахь. Реиҳа ила-

ҟәуа схы инықәсуеит. Сара, сеиқәа кьаҿ сышьаҵаны схахәы
ҿыц ирҟәыдны сгылоуп. Схәыҷӡоуп. Сцәа сынҭаӡыӡоит, аха
сеиҭаҵуам, схала сгәы сырӷәӷәоит. Абар, иааиуеит ахәылԥҵарақәа. Сымшәароуп. Сышьҭахьҟа иганы сызнапык ала
ирыӷәӷәаны искуп егьи снапы. Бзиа избон саныхәыҷыз, схала,
исылшо аԥышәара. Исыхәоу исмыхәоу убри саныҩеидас...
«Сахьцо сымоуп ҳәа иаҳәаны, иараби, дзызжьазеи?! Дәыԥсшәамкәа, гәыкала исеиҳәазар, уаала уаха аҩныҟа ҳәа?»
Акраамҭа ақалақь салан. Астудентцәа рзеиԥшынхарҭахь
сцарц сыӡбеит азнык азыҳәан. Сназхәыцит. Бареи сареи ашкол
алгаха ҳаузҭгьы, аинститут ҳҭалон, сынтәа ҳалгон. Ус анакәха,
иҳацҭақәаз ҳҩызцәа... Ииашаҵәҟьаны, азеиԥшнхарҭаҿы урҭ
рацәаҩны иҩноуп. Уаха снарылаԥхьап.
Аулица ианыршәланы сҿыҩасхеит.
Мап, Адица, сымцаӡеит уахь. Исыздыруам еилыбкаартә
ишбасҳәара. Убри аҽны бара бысгәалазыршәо дарбанзаалак
аӡәы ибара акәым, бхаҭа бцәаара снахьыԥшыргьы сҽысҵәахуан. Акласс аҿы иҳадтәалақәаз дарбаныз бареи
сареи ҳаизыҟазаашьа ззымдыруаз. Шаҟантә аандақәа рҿы,
мамзаргьы аклассӷәаҿы «Адица+Алиас = абзиабара» ҳәа
ананырҵалак, ҳнапқәа ахьшьуа, сара сыԥсахы ԥыжәжәо, бара
былабжышқәа хаҟәҟәало, иаҳрыцқьахьаз. Азеиԥшынхарҭаҿ
снеир, саазбалак ицәырыргоит быӡбахә. Аԥсараа усгьы
гра бааԥсны иҳамоуп, шәышықәса рышьҭахьгьы аӡәы дызцәыԥсыз, игәаларшәаны, идашшылара. Иҟан даҽакгьы, аԥсаратәык дызбарц зысҭахымыз. Ибаҳахьазар акәхап. Уажәы аԥсараа ирылаҩны иҟоуп амашьынаныҟәцаҩ Алхас
имашьына дшақәтәаз иахьбӷалаз сара ишысхароу. Иҟалоит,
Маџьгана иакәзар ирылазҵаз, уи хымԥада иеиҳәон Алхас.
Аха Маџьгана усеиԥш ажәабжь рылеиҵеит ҳәа гәҩарас
иансоулак, сиашам ҳәа зысҳәо, дгаӡамзар, ҳәашьас имоузеи,
ибӷеиҵарц ииҭахыз сара сакәын ҳәа? Уара ушԥабӷаиҵоз,
узыхирҟьоз? Усҟан ишԥаиҳәо? Бзиа иибоз аԥҳәызба уажәы
сара сыԥҳәыс лоуп иҳәозма? Ус иҳәар... Бара, Адица, бхаҵа
иамҳәашьас иҟабҵазеи бареи сареи хыбрак аҵаҟа ашьыжь
шара ҳшаԥылаз? Уажәыгьы ҳмаҵурҭаҿы икнаҳауп саб иуа-

па... Уи шаҳаҭра ауеит. Сҩыза Мирон исеиҳәеит саби иареи
Алхас изызуз аӡбахә ала ишеицәажәахьоу.
Ибзианы акраафаны, сцап абиблиотекахь. Ирымсхып
ашәҟәы «Мегре иҭаҭыныжәга». Аҩны аԥхьара саҿын. Исгәалашәоит сахьаангылаз. Иацҵаны саԥхьалап абиблиотека
ашә адыркаанӡа. Абаҳчақәа рҿы игылоу арымӡ, мамзаргьы
адәыӷба аанҿасырҭа... Сахьԥхьаша сыԥшаап.
Шықәсқәак уажәаԥхьа, Адица, ауаҩы иеилкаара иаҳа
исзымариан. Снаихәаԥшуан, уаҳа сҭахӡамызт. Ма цәаныррак
ҟәандаӡа сгәаҵа инҭалон, мамзаргьы уи ауҩ изыҳәан сгәаҵа
ашә накуан, иакӡон. Уинахыс абзиара сзыҟаиҵаргьы, иауамызт, иаатуамызт уи ашә. Ииашаҵәҟьаны Дамшәи сареи
ҳаиԥшуп убри аҟны. Изхысҳәаауа, уажәы, сгәаҵа ашәытақәа
ананыла, схаԥыцқәагьы аныҵыҟьҟьа, иаҳа сҟәыӷахеит анысгәахә, ауаа реилкаара иаҳагьы исцәыцәгьахеит. Дуаҩы
цәгьоу дуаҩы бзиоу, иаҳҳәап, сусеилкааҩ? Раԥхьаӡа Самсон
Григорич данҭарк, дхагәыбзыӷ-ҿагәыбзыӷуа, дзыдгылоз сара
сакәзу, схаԥыцқәа ыҵызхыз иакәзу сзымдыруа, исҳәарц
исҭахӡақәамызгьы сирҳәеит. Ашьҭахь убас дсықәыӷәӷәаны
дсацәажәон, сара сакәызшәа зҭаҷкәымқәа мҩанызҵаз, сара сакәызшәа Фриц иавчаркақәа сырзымфеит зҳәаз, сара
сакәушәа, шьапык ԥуҟар узқәыӡуа аа-ҵла астудебеккер
дуӡӡала икылганы, ихны изҭиуа. Иахьа, деиқәԥсышәаха,
амакарич узысуроуп, уаха аҩныҟа уаала, усасны усҭаз иҳәеит.
Дзыргәырӷьоз? Сара исыбзоураны уи димԥыхьашәеит Сам­
сон Григорич. Иаҳҳәап, аибашьра дахьыҟаз иҵҩақәа цқьоуп.
Схаԥыцқәа рзыҳәангьы «асрок» иқәшәар ауеит. Убри аус
адыркырц азыҳәан, Самсон Григорич иҭаацәеи иҩызцәеи
аԥсараа ҳкасса андырҳәыз иргаз аҟара, иаҭаххар, мышкала
еизыргоит. Сусеилкааҩ инаирҭап. Уи иахьеиҳау даҽаӡәы
инаииҭап. Иахьеиҳау аҭыԥ ахь имҩа каххаа иаасыртит. Зны
амашьына аанкыланы Маџьгана днаивасыртәеит Адица.
Снапала днаисҭеит. Уажәы... Ҳәарада, амакарич сзыҟаиҵароуп. Ишыҟалалакгьы, иара изеиӷьу аҿы икылсуеит.
Исгәалашәеит, шәҟәык аҿы саԥхьеит. Анасыԥ – амра иаҩызоуп, амра адгьыл зегьы знык ала иазырԥхаӡом. Ганк иа­

нақәыԥхо, егьи аган еиқәылашьцоуп. Аӡәы ишьамхқәа иҵ­
ԥраауа даннеиуа, егьи ажәҩан лаҟәны иқәыӷәӷәалароуп.
Сара схаԥыцқәа уи аусеилкааҩ изыҳәан...
Зны схы сазгәаауа, ҽазны ахәыцра зынӡаск саҟәыҵны,
иныҵак сшәышәуа, снаԥшы-ааԥшуа амшын иацәыхарамкәа, улицак ианыршәланы снеиуан. Ауаҩы иакәзаап ауаҩы
ижәҩан лазырҟәуа, идгьыл зырхьанҭо. Сбызхәыцуамызт
бара, сизхәыцуамызт алаба наиҵшьуа зашҭа иқәу Алхас,
срызхәыцуамызт Аруҭан, Мсыгәда, Аԥҭа, саб. Исхашҭит сан
дымбаӡакәа сшаазгьы. Исыздыруам уаҵәы иахьсыԥхьо
исзыԥшу, аха иахьа, Анцәа иџьшьоуп, схы сақәиҭуп. Есышьыжь уаныҩагылалак, Алиас, узышьҭақәоу уаарҟәаҵны,
амрагыларахь ухы рханы, Анцәа иџьшьоуп, ажәҩан аҵаԥшра,
амшын агәиаҵәара ахыԥшылара, адгьыл ақәныҟәара иахьакгьы иахьсаҭәахаз уҳәалар иаҳа еиӷьуп, избанзар, дад
дукәыхшоуп, есышьыжь иаагыло амра, уара узыҳәан иҵыхәтәантәихар алшоит. Ауаатәыҩса уара рыцҳа уакәым, дара
рзыҳәан дкыдҵаны ашьра иақәшаҳаҭхаз, рыгәнаҳарақәа
ишьала изшәозшәа, игаӡарала, агәра згаз, акгьы илымшеит.
Зегьы иреиӷьуп ауараш жәырҭа асамықьҭан. Ачехцәа руараш
анузыԥшаа...
Ҳаи, шәанаџьалбеит, амҩа иахьықәу егьа аҵаа иакыргьы,
егьа абжьымра ақәцеиргьы, амшын аҟны ишнеиуеиԥш арҩаш, реиҳа сҽынаҟәыҭханы, реиҳа сацәыбналеит анысҳәоз
аамҭазы, Аԥсара агәҭаҵәҟьа сышԥананагеи! Зегь реиҳа
зылабара сақәымгәыӷӡоз!..
Аҭӡамц зегьы саркьаԥсараха, акыдыршәылақәаҵәҟьа
амаӡамкәа иҟаҵаз ҩнык савсны снеиуан. Амш алашара рзымхозар акәхарын, афымца лампақәа рацәаӡаны иахьаркыз
уада ҭбаак сныҩнаԥшит. Астолқәа, аӡахыга машьынақәа...
Ахалаҭақәа рышәҵаны аҳәсақәа, аҭыԥҳацәа қәыԥшцәа...
Аҳәса анырацәоу, зегьы уара ианухәаԥшуа, игәасҭахьеит,
иухәаԥшуеит хыччашақә, рқьышә уқәҵашәа. Ухы ахьугара
узымдыруа уқәдырхоит. Уахь сымԥшӡозшәа, исымбошәа
сылаԥш нарҟәызгеит, аха ишысҭахӡамыз еиҭах сынхьаԥшит.
Илаԥшҵашәароума? Адица араҟа дабаанагоз?! Быблақәа

сырхыԥшылазшәа... Лара, быԥшра зхыскааз, аԥҳәыс данаасыхәаԥш, сыԥшышьа џьалшьоу, сылдыру, дшанханы
лылаԥш насыдхалеит. Схы ааласырҟәит, изулак исаркьаԥсараз аҭӡамц снавсит. Егьараан исҳәахьазаргьы уажәаҟараҵәҟьа ихьанҭамхацызт ажәҩан. Схаҿы иааит. Амц уҳәап,
Адица, акыр иухәозар, аха уаргьы иумыхәо, иаргьы мцны
изуҭахузеи. Уи аԥҳәыс дызусҭаз схаҿы ианааи, быԥшра
ахьылхыскааз азыҳәан сгәырӷьеит, сгәаҵа зегьы ҭәит бзиабарала ҳәа баҳәаны бсызжьагәышьом. Ашьоура!.. Иџьабшьашт ари ажәа ахьысҳәо. Иабатәи шьоуроу бымбои!..
Исылшозҭгьы, иԥҟаны ишьҭысхуан убас еиԥш закәанк,
абзиабара зшьуа аус иарҭаларц, уаҩшьрак ҟарҵазшәа ахара
рыдҵаны. Ларгьы сгәалҭазаарын, даадәылҵын, атротуар
днангылеит... Мсыгәда, бара бан. Сзымцеит. Лҿанаалха,
сыл­ԥыларц саахынҳәит. Блеихаҟәысрак иалагӡаны сыбла
иаахгылеит сахьак. Шәыҩны ааигәара, амҩа нымҩахыҵ,
иааҳәыгәраны иахьыҟоу, акәаԥраҿы ҳтәоуп, адунеи зтәу,
бареи сареи ҳхала. Амҩаду даныланы дааиуеит бан. Аҳәыгәра ҳаҽнаваҳкит. Ҳхы навырҳәҳәаны ҳнаԥшуеит, еиҭа
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 14
  • Büleklär
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3316
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2349
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3340
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2352
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3345
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2250
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3328
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2316
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3385
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2344
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3340
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2306
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3345
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2368
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3324
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2290
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3285
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2281
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3325
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2308
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3339
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2313
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3318
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2348
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3280
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2285
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3350
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2310
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3316
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2353
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3308
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2351
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3323
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2369
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3363
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2349
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 19
    Süzlärneñ gomumi sanı 3351
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2342
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 20
    Süzlärneñ gomumi sanı 3304
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2412
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 21
    Süzlärneñ gomumi sanı 3400
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2398
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 22
    Süzlärneñ gomumi sanı 3355
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2328
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 23
    Süzlärneñ gomumi sanı 3464
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2309
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 24
    Süzlärneñ gomumi sanı 4490
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1950
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 25
    Süzlärneñ gomumi sanı 4507
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1947
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 26
    Süzlärneñ gomumi sanı 4637
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1904
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 27
    Süzlärneñ gomumi sanı 3881
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2004
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 28
    Süzlärneñ gomumi sanı 3326
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2241
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 29
    Süzlärneñ gomumi sanı 3292
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2241
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 30
    Süzlärneñ gomumi sanı 3355
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2227
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 31
    Süzlärneñ gomumi sanı 3411
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2257
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 32
    Süzlärneñ gomumi sanı 3351
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2322
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 33
    Süzlärneñ gomumi sanı 3328
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2331
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 34
    Süzlärneñ gomumi sanı 3423
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2326
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 35
    Süzlärneñ gomumi sanı 3404
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2300
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 36
    Süzlärneñ gomumi sanı 813
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 627