Latin

Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 09

Süzlärneñ gomumi sanı 3285
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2281
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
сара исхараны машьынак бӷалахьеит, аха уи иақәтәази са­
реи ҳаицәажәахьеит. Уи дашшуам, – инасҿыҵҟьеит.
− Аԥсара иҟауҵахьоу ҳара иҳаздыруам. Ҳара иаха
ҳааицәажәан, дрыцҳауп, уажәоуп ақыҭаҿынтә данааз, уаҩы
гәыԥшагьаҭҳак иоуп, дынкылахәаша дыӡуеит ҳҳәан, ҳцеит
Самсон Григорич иҿы. Иаҳҳәаз, иҟаҳҵаз зегьы зуҭахузеи,
уажәы уусқәа абасоуп ишыҟоу. Астол урхиароуп иахьаҵәҟьа.
Зегьы ишҳаҳауа аминауаҭра шьҭоуҵароуп.
− Сароу? Сара иҟасҵазеи аминауаҭра шьҭасҵартә еиԥш?
Аҵарҭыша сиҭарц далагеит, исымуит, сыҳәҳәеит. Ала ицҳаит...
− Превышение самозашьчиты... Уи иаанаго удыруама?
Аҵарҭыша уиҭозар, дӷьычуазар, уашшындаз, уара азин узҭада, асовет уаҩы, аибашьра амца қьоуқьад далагыланы,
аԥсадгьыл зыхьчоз, ала ижәҵаны ирцҳара. Учеиџьыка афара
дахьақәшаҳаҭхаз, унасыԥ иакит.
− Аҵарҭыша сиҭарц даҿын, аҵарҭыша. Уи дӷьычҩуп! –
изуамызт.
− Агәра згода? Избада аҵарҭыша уиҭарц дшаҿыз? Данааудгыла, Дамшә, возми уҳәан, ала иурцҳаит. Уара иуҳәаз
аамышьҭахь, иара, иуеиҳәазгьы уаҩы имаҳаит, иҟаиҵазгьы
уаҩы имбеит. Ала ахьиирцҳазгьы изымхо, он ешьчо и кле­

ветвик рҳәоит. Уигьы наузаԥыршьуеит. Ҳара урыцҳашьаноуп
изуаҳҳәо. Ухы урӡуеит.
− Ажәакала, ҳиҳәеит, дақәҳаршаҳаҭит. Ачеиџьыка ҟауҵоит,
аминауаҭра шьҭоуҵоит. Убриала шәеилгоит, мап анакәха, ухы
иавба, – иҭабуп ҳәагьы раҳәаха смоукәа, инасыдҵны ицеит.
Схы сыкәажь стәан. Ииашаҵәҟьаны, сгәы иалоуп ала ахьицҳаз, аха, Анцәа ибоит, мчыла исмырцҳаит. Дысҭахымызт,
данызбалак сгәаҵа ҵаахьшәашәак ҭалон, слымҳақәа алаҳәа
аҟырбжьы ҭыҩуа иалагон, аха сара исцәымӷу зегьы Дамшә
дсырцҳауа салагар, ахаԥыцқәагьы ххаап. Иаапкыша Дамшә,
ишызымуаз исиҭаргьы, знык амҳаҵә сыҿшьны даналгалак,
иҟалаша аныҟалалак, ацқәа аланарԥарауаз имашьхәылҵ.
Исҭахымызт иансиҭоз, уажәшьҭа ишԥаҟасҵари, иабазгари
сҳәарын сыламыс аҿаԥхьа.
Астол рхиатәуп...
Аҳәара мариоуп, аха аҟаҵара? Иабаазгои астол зласырхио
аԥара? Уаӷа дуаминауаҭааит ҳәа аӡәыр диныҳәахьазар,
иныҳәаԥхьыӡ ишԥақәшәеи уара?! Аиашаҵәҟьа рҳәеит аусуцәа. Сеимгәаххаа сҭеикуеит. Сара исымҳәахьаз, мшәан, уи
ихы даӷаны Анцәа дишеит иҳәоит сабгьы. Акыс, аҵыхәтәан
ҳанеибабоз, Баӡ данхысуаз уаргьы уаҟа ууапа уҭашьшьы
угылан, атапанча изҭаз дудыруеит, иуҳәом акәымзар ҳәа
иасҳәан, зынӡа игәы сыхшәаны, дгәааны дыҟоуп.
Шаҟа еидысхәыцлаз зыбҭахузеи, уара шәышықәсаҟа
шьҭахьҟа унхеит, уара ишуҳәо сныҟәар, Аԥсара сахьацәур­
ӡызгьы азымхакәа, сызқәаҭыԥ Аԥсны иҟамло, сурӡуеит ҳәа,
сыламыс, изхәаҽышаз, ажәа џьбарақәак наҿасықшан, ас­тол
зласырхиаша, аԥара сашьҭалеит. Сара суалафахәы, ишаа­
соулак, ибасҳәахьеит, мааҭк ахымхкәа, зыҟны сыҟоу аԥҳәыс
иналысҭоит. Шьыжьымҭанла, шьыбжьон иуфаша ҳәа, мааҭк,
ма мааҭыбжак наслыркуеит. «Шәҩыџьегьы акрышәҿасҵоит,
ахыбра шәымоуп, уаҳа ишәҭахузеи!» Егьиашаҵәҟьаны, уаҳа
акгьы ҳҭахӡам Дамшәи сареи. Мызкы исылҭо еизызгаргьы,
уиала астол рхиашьас иамоузеи! Аха уаҳа ԥсыхәа ыҟам,
исыԥсахуама, ауал сықәысҵома, иҟаҵатәуп. Алаҳәа аҟырра
иеиԥшха, зыбжьы слымҳа иҭаҩуаз, Самсон Григорич иҿаԥ-

хьа аминауаҭра шьҭасҵароуп ҳәа ӡбаны саналга, уаанӡа, иара данызбалак, сыбла дыхгылозҭгьы Маҵкәа, уажәы убри,
зашьцәа ргәырҩа иагаз аԥҳәыс лхаҿсахьа инасзацлеит да­
ҽа... Ибасҳәар агәра бгашам, избанзар еидкылашьа рымам...
Инасзацлеит Мсыгәда лхаҿсахьагьы. Аҩбагьы исарҳәоз акакәын – уақәӡыргьы, ухы лоумырҟәын убри иҿаԥхьа.
Ҳахшыҩ аҵкыс еицәаны иҳамазаап, Адица, ҳгәырҵҟәыл,
цәгьагьы-бзиагьы ахьаҳхамышҭуа. Ҳани ҳаби џьанаҭ баҳча
ианҭицоз, сгәанала, ҟәадас ауаа ирықәиҵақәаз иреицәоуп
акгьы ахьырхамышҭуа. Анцәа иџьшьоуп издырқәо ахьмаҷу,
ус анакәха, исгәалашәақәогьы уамак иахьырацәам, акәымзар, сара сыбз сҿы излаҭамгыло, схы сызлаӷоу ала, издыруа рацәазҭгьы, урҭқәа зегьы схамышҭуа, ихышхыҵәаны
рҿаархалар, схаԥыцқәа ҩба ракәым, агәра ганы сыҟоуп,
ишамырҟьоз сыцламҳәа зегьы шеибгоу. Изхысҳәаауа, астол
сырхиарц, афатә-ажәтә сахьынӡашьтаз, Маҵкәеи Мсыгәдеи
сыбла ишаахгылалак, рацәажәара сналагон: «Изиҿыҵҟьа­зеи,
уара уакәым, Фриц иавчаркақәа сырзымфеит ҳәа? Авчарькақәа ахьыҟоу алагерқәа рҿоуп. Аконцлагер аҿы дыҟан
Самсон Григорич. Аесесовеццәа дырҷаԥшьон. Урҭ ирыдгылан
немецки авчаркақәа. Ижәрымҵартә, дрымкратә иҽыҟаиҵеит. Изла? Бзиа дызларбазеи афашистцәа?»
Абарҭ схы иҭагьежьуаз азҵаарақәа, Адица, схы ахьынӡастәыз, схи сымчи ахьынӡеиқәхоз, изулак, исхәаҽуан. Дысхәаҽуан аџьныш-қаҷаа. Аха уи, дысхыччо, дысзыԥшызаарын.
Аминауаҭра зумҳәарызеи Анцәа иуциҳәозар. Уара иуӡбуа,
уаҩсҭаахә дахыччозар, иулшозеи! Аҩсҭаа ичысхә – арыжәтә
мыжда... Ижәла сара срыжәтә. Шаҟа ужәуа, убриаҟара сара
устәхоит иҳәон.
Аусуцәа ҳакрыфарҭаҿы жәаҩык рхәы сырхиеит. Ҳаигәылацәоуп, дҟәыӷоуп, ажәақәакгьы насхиҳәаап, деиҳабуп
сҳәан, иасҳәеит, даасыԥхьеит сгәыла Петрович.
– Сара уара узыҳәан исылшо убри ауп, Самсон Григоричи
уареи шәахьынӡеинышәо, иуԥырхагамхо, Дамшә уҟәыскуеит, – иҳәеит абжа лафны. Иаахтны имҳәеит, аха ишигәамԥхаз збеит. Дымнеиӡеит.

Ахәыҟаҵаҩ, угәы нсырхом ҳәа аниасҳәа, дацклаԥшны
иҟаиҵеит афатә. Ҳзауад ааигәара дынхоит агыруак. Лартҟак,
ӷәык уҳәа, инхараҿ џьара акы аниҭаху, мап ицәаҳкуам.
Насгьы иаргьы асасцәа (акомиссиа) анаҳҭоу, мамзаргьы
аныҳәарақәа раан, ҳаԥсы ҿихуеит. Аҵәца ашәуа аҳардан-ҩы
имсхит.
Аусура амш анынҵәа, ишеибаҳҳәахьаз еиԥш, анҭ, сара
сзыҳәан иацәажәаз аусуцәа ҩыџьа дрыманы инеит Самсон
Григорич.
Ачеиџьыка ҳнахатәеит. Ҳнапы аҳмыркыц. Ҳнеихәаԥшыааихәаԥшуеит. Анҭ аҩыџьа рыблақәа сдырбоит иухәҭоу ҟаҵа,
иахәҭоу ажәа уҳәароуп ҳәа.
Сҩагылеит. Схаԥыцқәа еибган, сқьышә снапы адкылатәыс
исымамызт:
– Ҳатыр дуӡӡа зқәу, Самсон Григори-иԥа! – сналагеит.
Ирласны исҳәароуп. Иара ажәак иҳәар, ибжьы алаҳәа аҟыр­
шьа аасгәаланаршәар, сыбла иаахгылар анҭ, илахьыцәгьахаз
ҩыџьа аҳәса, сыбжьы насыхәлашәоит. – Сара уара уҿаԥхьа
ахара дуӡӡа сыдуп. Уара абзиара сзууан, сара саԥсамхеит.
Абарҭ аҩызцәа ишраҳауа аминауаҭра шьҭасҵоит уҿаԥхьа, –
инасықәлашьцеит, сқьышә иқәыххит Фриц ҳәа иасҳәарц, аха
исхәаҽит. – Суҳәоит, исанаужьырц.
– Али-иас-иик! Сеигәырӷьоит ҳахьеилибакааз, – иҳәан,
дҩагылеит. Акызаҵәык иҟасҵаз, сара сышҟа иҿанааиха,
сахьгылаз сымҵысӡеит. Схы аныстәыз исылшаз убри ауп.
Аминауаҭра анышьҭасҵа, уажәшьҭа акрыфара азин ҳамоуп
иҳәан, дназыцҳаз аҳәаҵыс амаха шикыз, иқьышә ԥсылақәа
ашша рықәыҵәҵәо, дааин сӡамҩа днагәӡит.
– Уара уакәын иара ишҟа инеишаз, – игәасымҭеит изҳәаз.
– Дыҷкәыноуп, уажәада дақәымшәац, иаԥхьаҟа цқьа
иҵап, – ибжьала дыздырит «аточильшьчик».
Ҳалагеит акрыфара, акрыжәра.
– Аҩыжәра азыҳәан саб ииҳәало шәасҳәап, – иаацәырызгеит. Иабасҭахыз, иабасгәалашәеи! – Аҩы, иҳәеит, ауаҩы
ицламҳәа абруқәа аркәадоит. Исмаҳац ацламҳәа абруқәа
рыла иҿоуп ҳәа. Аха иҷкәын абруқәеи агаикақәеи рҿы аус
ахьсымаз азыҳәан акәхап ус зиҳәаз. Иаҳа еилыскаарц.

− Ацламҳәа абруқәа... Уи бзианы иҳәоуп. Зны иркәа­
далатәуп, аиаша уамхаҳәарц азыҳәан. Анцәа иныҳәароуп
Дамшә! – аҵәца аашьҭихит «аточильшьчик». – Самсон Гри­
горич имахәар иамыцҳазҭгьы Дамшә, абри аҩыза астол ҳа­
хатәараны ҳаҟазма. Шәааи иаҳныҳәап.
− Дамшәу? – саарылаԥшит. – Шәызегьы ишәылшоит сышә­
наԥхар, Дамшә – адунеихаан... – иабасҭахыз уҳәарауеи ари
аҩыза аҽырҟәыӷара! – Аԥсшәа наиасҳәар амҽеи, аҳарам,
аԥсахҩы, Дамшә изыҵҟьоит.
− Уара излоуҳәо ала, Дамшә Самсон Григорич изицҳаз...
– рҿааирхеит, ахьархь анихуа ихаԥыцқәагьы рыцихуашәа,
«аточильшьчик».
− Самсонгригоричфрицу?! – абруқәа анкәадаха, зегьы
леимасырҩызит. – Самсонгригоричфриц, Дамшә уазымгәаа­роуп. Дамшә арентген уҭоушәа, угәы, угәаҵәа... Уара уи
ианухәаԥшыҵәҟьа! – ишҟа сҿынасхеит дгәыдыскыларц. –
Сара сакәӡам, Дамшә ауп Фриц ухьӡызҵаз. Исшьуеит убри
азыҳәан. Уара, Фриц Григорич, узларыцәцазеи алемсаа рав­
чаркақәа?! Аконцлагераҿы... фри... – иаадыды-мацәысит.
Ҵаҟа иҭабганы акәым, иҩышьтыԥан, аҩада ицеит адгьыл.
Иара аҩада ицеит, сара – ҵаҟа.
Астол схәыҵыҵаанӡагьы игәасҭахьан схаԥыцқәа ҩба
шы­ҵыҟьҟьаз. Анцәа иныҳәароуп днызкылаз. Ишьапы убас
ахыӷәра иқәикшеит, схы илаахазҭгьы, илықәҟьыцуан. Ад­гьыл
гарыгаҽо, астол санаахәыҵыҵ, сыҳәҳәеит ишсылшоз:
– Дамшә! Дамшә! Думышьҭын! Алагераҿы дыҟан! Афа­
шистцәа дрыдгылон! Держи, предатель, убиица!
***
Уажәы, Адица, абарҭ ацәаҳәақәа аныбзызыҩуа, убас
сназхәыцит, ауаатәыҩса агәреибагара ахьҳамам иахҟьаны
ҳашнибарҵәало еиԥш, еицәшәаны акәзар алақәеи ақәыџьмақәеи зықәибахуа?! Ибасҳәахьеит, аӡәыр ишьра сылшозар,
дысшьуан Самсон Григорич, дысшьуан сицәшәаны.
Схаԥыцқәа џьаҳаным ртыԥхааит, ихьааума, ҟәрышьқәак
сыԥшаап, иҵасыргылап. Аус пылҳаҭ салаҳаит. Дҭаркит

Самсон Григорич. Ашшыԥхьыӡ смоуӡеит. Уимоу, «аучасткови» дансацәажәоз, исхароу рацәоуп, ауаа ишраҳауаз ицәаԥҽыгаз ажәақәа иасҳәеит ҳәа слалаган, иааиасҳәаз акгьы
ицәысымӡеит. Зегьакоуп еиликаауан. Иахьынӡасылшоз
дсыхь­чеит. Сара аӡәгьы изыҳәан цәгьара сҭахым. Аусураҿы,
Адица, схы сырҽхәом, пату сықәырҵон. Зегьы хылагәыла
ҳнеилалеит. Сызҭахугьы, адиреқтор ибар ҳәа ишәаны, ха­
рантәоуп аԥсшәа шсарҳәо. Рҽыршеит. Раԥхьатәи агәыԥ:
«Аиашаҵәҟьа изууит. Азауад ихы иҭарԥаны, иааиҭахыз ҟаиҵон. Ԥхьаӡашьа амам ииҭихьоу абна. Уи абра даанагаанӡа
инаԥхы цқьан ҳдиреқтор. Иара диҟьашьит. Аибашьра дцаанӡа дызҿыз... Шаҟаҩ иԥсы иеиҭахьаз... Аибашьраҿы сахьыҟаз
иҟасҵақәаз ҳәа ииҳәақәо еиқәшәом. Умшәан, Алиас, иудгы­
ло ҳаҟоуп». Даҽакуп ирҳәо аҩбатәи агәыԥ: «Уаргьы афашьа
уздыруам, акрызфогьы акриҿоуҵом. Абзиара унаалом,
Алиас. Иузиуз уқәнагоит. Уара иухҟьаны апремиа ҳцәыӡит».
Рыбла ихызбаалоит, савагаланы срымазар, схаԥыцқәа иаанхазгьы рыҟәшәара сықәшәон. Аха зегь реиҳа сзызгәааша,
исцәымыӷхаз даҽа гәыԥкгьы ыҟоуп. Урҭ, сара иаасыдгылан,
инхьаԥш-кәаԥшны, рыбжьы ныҵакны, исыцәнымхошәа,
ажәа­қәак анырҳәалак, инацырҵоит: «Убас, убас, Алиас!
Аиа­ша уазықәԥаҩуп. Убас, маладец!» – нас аиқәыԥхьаӡара
иналагоит иҵегьы исҳәақәаша, иҟасҵақәаша. Инасыдҵны
адиреқтор иҿы ианнеилак, инапырҟәыҷы-шьапырҟәыҷуа,
аҳәара иналагоит: «Иҳабаргәыз Алиас дҳаланагалаанӡа!
Амыждараз дудукылон. Дзеиԥш уаҩузеи, иара ихҟьаны, аба­
хҭа иҭашәаз. Уи дҿухышт, аха избан, мышкгьы абахҭа аҭатәара
зиқәшәазеи!»
Ладагьы-ҩадагьы ихьатыруа аҵла, аԥша иазыхжәаӡом
рҳәоит. Иҟалап, убарҭ, ахԥатәи акатегориа иаҵанакуа ракәзар, аԥсҭазаара иаҳагьы ианаало. Уи сара сусс иалоузеи! Сара сзызхәыцша, схаҭа аԥсҭазаара азыҳәан сԥаԥсаны сахьыҟамлашоуп. Уажәазы избаз убри ауп, снапаҿы аҵәыцак азна
ицқьакәакәараӡа ахш ааныскылар, ажәха соуаанӡа, ма мҵык
аҽынҭаршәны аҽашьуеит, мамзаргьы, ажәҩан ҭуанушәа,
лҩақк налшәаны еиқәаҵәаӡа инхаҳалоит.
Шаҟа сгәырӷьаз бдыруандаз уажәааигәа...

Исазҵаарц,еиҭа ианбасыԥхьои,ҳанбеиҿадыргылои Самсон
Григоричи сареи ҳәа сынкахәыцуа сшыԥшыз, сшымгәыӷӡоз,
дҿаԥха-ҿаччо, сыгәхьаагара иблақәа ирхыҳәҳәыла, азауад
агәашә дааҭалеит Мирон, аԥсараа ҳатрақторист, аԥсараа
ҳколнхара амал, ажәлар рмал ахьчара зхы ақәызҵаз, знышәынҭраҿы зыхьӡи зыжәлеи ҭаԥҟаны иану, зхаҿсахьа
барелиефны иҭасоу, Аԥҭа иҷкәын, сара сҩыза бзиа Мирон.
Ақыҭа салҵырц, сықәҵырц ӡбаны ишсымаз идыруан, аха
схы зыхсырҟьоз иасымҳәаӡеит. Иидыруа, бара сшыбзыҟоу
заҵәыкоуп. Егьирахь, уаҳа иаҳәашьа сымамызт. Акгьы
зхараӡамыз Алхас изызуз, аринахысгьы Маџьганеи сареи...
Алхас иԥсы анеиқәха, Маџьганагьы дналаҵаны, ауаатәыҩса
зегьы рышҟа иаасызцәырҵыз – ацәгьара ранажьра, уаӷа
чысла дшьы ҳәа, аԥсуаа ирҳәо ақәныҟәара...
Аԥсшәа цқьа еибаҳҳәаанӡа:
− Уалга, уалга, ҳдәықәҵа, сыццакуеит, – иҳәеит агәырӷьара
игәы иҭаз инамырҳәо.
− Ҳабацои?
− Амҩан иуасҳәап. Уҭыԥаҿы аус зуша аӡәгьы дузымԥшааӡои?
− Дсыԥшаап. Абригадир иасҳәап. Бзиароума?
− Бзиароуп, уалга!
Имашьына хәыҷ азауад агәашәаҿы игылан. Изныҟәымцар
ҳәа бшәозу, амашьынақәа рзыҳәан дынцәоуп. Шаҟаҩы ирҳәо
саҳахьоузеи, Мирон дшысабиӡаз иаб дҭамхазҭгьы, ианаамҭаз
ацхыраара иоузҭгьы, амашьынақәеи атрақторқәеи рныҟәцара
акәым, ихала атрақтор ҿыцқәа, уаҩы иимбац амашьынақәа
иӡбуа дҟалон ҳәа.
Амҩа ҳақәуп, ҳцоит Аҟәаҟа. Ицнапык сызқәа инкыдишьылоит, игәырӷьара саргьы сшьа-сда иалалар иҭахушәа.
Егьиашаҵәҟьаны, изакә гәырӷьароу шысзымдыруагьы, ихышхыҵәо, Мирон дзымҽхазкыз агәырӷьара, сара сахьгьы ииасит.
Акыс сгәырӷьара, схаԥыцқәа инарыдкыланы, исылицазшәа,
Самсон Григоричи сареи «ҳаинышәазар» аахыс, аарҩара
иқәнакыз аџьықәреи иаҩызаха акәын ишыҟаз.
− Сабоуго, Мирон, иҟалазеи?

− Ԥҳәыс дузаазгоит, – амашьынаҿы иареи сареи ҳхала
ҳашҭатәазгьы, ихы аарнааны, слымҳа инҭеиҳәеит. – Уҭаца
ахшара длоураны дыҟоуп..
– Уара уԥҳәысу? – снаиазҵааит, дызҿыз иԥҳәыс шлакәыз
сзеилымкаазшәа. – Аԥсара санықәҵуаз лцәалтәымкәа...
Ишԥацои аамҭа мыжда.. Ҳаи, Анцәа иџьшьоуп. Ухаҭа уаби­
ԥазаҵәын, хшара думамызт. Шаҟа сургәырӷьазеи! – Убас
дысгәыҵасыҳәҳәеит, амашьына ицәымҩахҟьарц акы ааи­
гымхеит. – Акы уасҳәашан, лара ахшара длоузар, ҳара уажәы
ҳабацои? Аҳақьым даҳгома аҩныҟа? Аԥсарагьы иҟами, уара,
ахәышәтәырҭа. Умыццакын, ҳкыдуҟьоит.
− Лан Аҟәаҟа даҳгар лҭаххеит. Ҳрыхьӡароуп. Ҳаԥхьаҟа
машьынала инеиуеит. Лангьы уаҟа дҭатәоуп.
− Уанхәоу? – сҳәеит аҵәы налаҵашәа.
− Зашәа анхәа уаргьы дуоуша, ахьҩежь!
− Еилыскааит. Уԥҳәыс ахшароураз... Арахь уанхәа... Ма­
шьынак аҿы...
− Ианаалыгха, днаҳгеит Аԥсара ахәышәтәырҭаҿы.
Цас иауазшәа, араион ахь дцан, дыҟамызт аҳақьым. Амедсестрацәа ҳазларықәгәыӷуазеи, амашьына ҳамоуп, ҳцап
Аҟәа­ҟа лҳәеит лан. Сара уаҟа сабарыцҭатәарыз. Машьынак
ааныс­кылан, лани лареи нҭасыртәеит. Амҩаноуп саназхәыц
уара ушьҭысхырц. Санхәеи сареи ҳаицәыԥхашьо, акыр рҭаххозаргьы, иаҳзеибымҳәо... Иаасымҩатәны сныдыххылеит
уара уҿы.
− Уи бзианы иҟауҵеит. Мирон, усымбеижьҭеи, шаҟа
угәхьаазгаз... – сыҽныскылеит. – Имариангьы уақәшәеит аус
ахьызуа.
− Исоумҳәахьаз. Анаҟа анеишьа уажәы избазма! Егьараан
аҩнымаҭәахәқәа рымысххьеит.
Сқьышә иаақәыххит Самсон Григорич иоума иузҭаз ҳәа
сиазҵаарц, аха сыҽныскылеит. Иара иоуп, дыздыруеит иҳәар,
схаԥыцқәа ирзиуз, иаргьы дышҭаку, иааҟалаз зегьы иасҳәар
акәхон. Ауаҩы агәырӷьара анимоу аамҭазы, Фриц иӡбахә
цәырганы, игәалаҟара зыбжьысхрызеи.
− Амҩа ҳанықәлоз, Ахеивҟьа... Дугәаламшәои шәыхшыҩ
аарҳәны иҭоуп ҳәа ҳазҳәалоз? Ахәышәтәырҭаҿы днеины

дыҟан, дҳақәшәеит. Исеиҳәаз удыруандаз. «Ҳазмырҿио
удыруама аԥсараа? Аԥсабара агәы нҳархеит азыҳәаноуп»,
– иҳәеит. «Иҟаҳҵазеи, уара, агәы зынҳархазеи аԥсабара?»
– сҳәан, ихы еивҟьоуп ҳәала, исеиҳәаз даара сархәыцит.
«Аԥсабарагьы аԥҳәысгьы аӡәы роуп. Ауаатәыҩса зхылҵыда?
Аԥсабареи аԥҳәыси ирхылҵит. Ҳара, аԥсараа, ҳашԥалзыҟоу
аԥҳәыс? Дины данынкашәо инаркны, ӷас дышьҭаҳхуеит.
Аҷкәын дир, аҵықьҳәа ҳхысуеит, ацә лкажьны ишьны, ачара
изаауеит. Аӡӷаб дир, иакәымк ҟалазшәа, ҳнапырҟәыҷышьапырҟәыҷуа ҳаагылоит», – иҳәеит.
− Диашоуп. Ахшара дзауша аԥҳәыс дҟалар, ахацәа умоур
ҳәа ушәома. Аӡӷаб данилакоуп иаҳагьы ианхыстәу, ача­ра
анутәу. Мирон, ухаҵазар, аԥҳа дуоургьы, ачара ҳазу, ашәақьгьы
ҭырҟьа, ма уараӡәк агәы ҟаҵа аԥсабара, – сҳәеит.
− Аиашазы, аԥа сизгәаҟгәышьоит. Иумдыруеи, саб са­
ра сшысабиӡаз дҭахеит. Сан уаҳа хаҵа дымцеит... Сабиԥа­
заҵәуп...
Иаб иӡбахә анцәырига, иаасгәалашәан, амҩа ҳахьықәыз,
иасҳәеит иаб изыҳәан исаҳахьаз.
− Ахьча-ҭаҳмада Гәдиса сицны ашьха саныҟаз, Мирон...
− Угәы ахәрақәа анухәышәтәуаз... – иҳәеит дааԥышәырччан. Ус имҳәандаз сгәахәт, аха данаасыхәаԥш, иҳәашьеи
иԥшышьеи убас иҟан, ианасыжьит. Иара, сшымгәыӷӡоз, инаԥишьит:
− Адицеи уареи шәахьеинасыԥымхаз, сыгәра га, иаҳагьы
иузеиӷьуп. Иҽеиӡам лхаҵеи лареи реизыҟазаашьа. Агараж
аҿы, ишудыруа, лассы-лассы ҳаиқәымшәалар ауам Маџьганеи сареи. Ашьжьымҭан ахаҵа снаиҿаԥшыр, иҩны аҩныҵ­
ҟа бзиа дыҟоу, цәгьа дыҟоу, иаразнак издыруеит.
− Еицәоугьы иқәнагоит, игәахы талырҷаҷо Анцәа исирбеит!
− Агәнаҳа Анцәа иуимырҳәааит. Иара иакәу, лара лакәу
изхароу дсыздыруам. Аха унасыԥдарала ишьақәдыргыларц
излагаз аҭаацәара егьалымҵит ҳәа сыҟоуп. Ахшарагьы
дшырмоуа умбои!
− Аҳәынаԥқәа рыхшо Анцәа исирбеит, – ианысҳәаҵәҟьа
сахьхәит, схаҭа сшыланарҟәуаз здыруан. Аха ааигәа азауад

аҿы исыхьқәазгьы, Маџьганеи бареи иахьшәывызбо аҟнытә,
сыҽсызнымкылеит. Ицәымыӷхеит сцәажәашьа Миронгьы. Уи
дшыҟоу уажә избама. Ауаатәыҩсагьы аԥсабарагьы рҿаԥхьа
ауал уқәны уиит, уқьиара шәашьа амам убри ауал ҳәа илахь
инанҵаны дыршазшәоуп дшыҟоу. Ишиаҳауа шәиԥхьыӡк
уҿыҵҟьар, цәгьарак ҟауҵазар аҟара, иблақәа алашьцара
нархаҳалоит. Мирон абас дшыҟоу анысҳәалак, ахьча-таҳма­
да Гәдиса, еснагь ииҳәоз акакәын: «Анцәа днаигӡааит, иабду
ихаҭа-ԥсаҭа».
− Агәнаҳа Анцәа иуимырҳәааит, Алиас. Усымбеижьҭеи,
гәаӷла уҭәуа уалагазаап. Уи ҽеим, аҩыза, – иҳәеит Мирон,
дыхәмаршәа. – Анцәа дхасҵаӡом, иудыруеит, аха агәра згоит,
ишыҟоу убасеиԥш мчык, аиакәым зҳәо, аиакәым ҟазҵо,
ихьызыгӡо. Уара ухаҭа иухьымӡаргьы, иухшаз ирыхьӡар
ҟалоит. – Еиҭа даасыхәаԥшит. Арҭ, аҵыхәтәантәи иажәақәа
аниҳәа, сыбла даахгылеит Алхас. – Иӡбахә анцәырызга, уи
аҵыхәала ҳаицәажәап. Сеилумкаауеи? Уаби сареи ҳгәы
иҭақәоу ыҟоуп. Ажәытәангьы ибзианы иҳамақәаз ыҟан, ҵас­
қәак, қьабзқәак... Ахҟа зыбжьоугьы, аишьцәа реиԥш еибабо
иааҟарҵон.
− Уи уаҟәыҵ уажәы.
− Еилыскааит.
− Ишуасҳәоз саҟәыцит, Мирон. Ахьча-ҭаҳмада исирбон
уаб дахьҭахаз.
− Аиаша уҳәома? Уара ублала иубама? Ихоуҵару, сара
иахьа уажәгьы сымнеиӡац уаҟа. Шаҟантә иақәыскхьоузеи
сцап, избап ҳәа. Сан илуам. Иааласҳәеит, саашьны сынкаумыжькәа усышьҭуам лҳәоит. Иламҳәакәа, уааи, ҳаиццап уареи
сареи. Сыблала избар сҭахуп. Џьара хаҳәк ҩны иҟасҵаргьы
сҭахуп, ма ацаҟьа лҭаԥҟаны, ихьӡи ижәлеи нанысҵар...
− Ишашьҭоу удыруоу уи аҭыԥ уажәы? Аԥҭа дахьҭахаз ҳәа
ахьӡҵаны ирымоуп.
− Сгәы иҭоу удыруама? – аӡәыр иаҳауазшәа, еиҭах
иқьышә слымҳа инадикылан, маӡала, – Аԥа дсоур, уаҳа хьӡык
ихьӡысҵом, саб ихьӡ ада.
− Уи бзианы иуҳәеит. Аҵкыс еиӷьу ахьӡ узыԥшаауам,
– сҳәеит сара гәыкала. Гәҩарақәак схы иҭашәахьан, Аԥ­

ҭа данҭахаз, Аруҭан данҭаркыз, Мсыгәда хаҵа данцаз, иаа­
џьоушьартә иахьеиқәшәоз шықәсла, мзала, аха усеиԥш
уажәы акгьы саламцәажәеит.
– Ҳаицәажәап абас, аԥа дсоур, саб ихьӡ ихьӡысҵоит,
акам­паниагьы ҟасҵоит, аԥҳа дсоур, ахьӡгьы уара илыҭ,
акампаниагьы уара иуқәыз. Илыхьӡуҵо усгьы издыруеит.
Ԥҳәыс хьӡыс иааҟоу зегьы иреиӷьу иарбану? Адица, ус
ами? Сабхәында ҳәа баша иуалҳәома уҭаца. Абан, ҳаԥхьа
иахьнеиуа, изҭатәоу амашьына, – Кьалашәыр ацҳа ҳанаақәс,
иҽизнымкылазт, азныказы ҳнарывсит. Ианхәа дылбар ҳәа
дшәо, арахь иԥҳәысгьы дналзыԥшит дынцәыҵыԥшшәа. Сар­
гьы сналыхәаԥшит асаркьа сналԥшны.
– Лан дылҿаччо, лтәашьа злаҟоу ала, иахьа сыздыруам
аха даҽа мызкгьы хшара длоурц лгәы иҭаӡам ҳәа сыҟоуп,–
сҳәеит, иаарласны хшара дзоуран иҟоу сналҿаԥшыр дыз­
дыруашәа.
– Уччозу, утәарҭа акәтаӷь аџьуазу убара уҟан, ахшароура
уқәындаз, – иҳәеит абра-ԥара иацу анасыԥ уажәнатә ихыиҿы иқәыҳәҳә Мирон. Сара убас сгәы иаанагеит: ҳназго
«Москвич», иаалырҟьаны иаҳҳәап, иаанҿасыр, амашьынагьы саргьы ҳаашьҭыхны, ахшараурҭа хәышәтәырҭа аҟынӡа
ҳаигоит ҳәа абри ахаҵа. Амч мацара акәындаз, иԥшрагьы
бзиахозаап ауаҩы анасыԥ илыжж данцо. Амра рхылашаауан
сҩыза иблақәа. – Иҟоу уасҳәап, Алиас, адунеи аҿы цәаныррас иааҟоу егьы иреиҳау иарбану удыруазар? Абзиабароуп
уҳәашт. Уи ачымазара саргьы исхызгахьеит...
− Ачымазара уҳәоу? Абзиабара ас азырҳәо...
− Ааи, агәыхь чымазара... Уара уда, даҽаӡәы абзиабара...
Ахаан исхашҭуам, абни, уҭаца данызгоз, лыҩны ааигәара,
амашьына мҩахыганы иҵәахны, сҩызцәеи сареи ҳанԥшыз
сшыҟаз. Дааирц ианеибаҳҳәаз аамҭа иахыԥеит сааҭк, иахыԥеит ҩ-сааҭк. Адунеи аҭшәахара иалагеит, шәыта еиқәаҵәак
иаҩызахеит амза. Ашарԥазоуп дандәылҵ. Убриаҟара сгәы
цеит, ҩымшгьы агәра сызгомызт деибга-деизҩыда дшааз,
сааигәара дшыҟоу. Аха иҟоу уасҳәап, адунеи аҿы иааҟоу
зегьы иреиҳауп уԥҳәыс ахшара длоурц уанԥшу аамҭазы
иузцәырҵуа ацәанырра. Уаҟа еилало рацәоуп. Иужәлоит

агәырӷьара, уамҽханакуеит агәыҭҟьара, ҭаха унаҭом агәалашәара. Угәырӷьоит уахьабхо азыҳәан, угәы ҭӡыӡаауа
ушәоит дманшәаланы ахшара длоурымашь ҳәа. Даҽакгьы.
Иџьоушьашт. Иудыруеит, сан лыԥсы ҭоуп. Хаҵагьы дымцаӡеит.
Лыԥсҭазаара зегьы сара исыхҭнылҵеит. Саб данҭахоз, сан
излалҳәо ала, сгаранҵан. Аха саб ихаану убасҟак иӡбахә
сарҳәахьеит, дсацәажәошәа ибжьы саҳауеит. Изхысҳәаауа,
уҭаца ианаалыгха, иаразнак саб даахгылеит сыбла, –
саргьы дсацәажәон, уажәы-уажә даанаԥшуан, зны ҳаԥхьаҟа
инауишьҭуаз, ҽазны зышьҭахьҟа иҽааникылоз амашьына
ашҟа. Ибцәызӡом, Адица, сара маҷк аччаԥшь сызнарҵысуан
уи ииҳәақәоз. – Иҟам, иҟам уԥҳәыс ахшара длоураны
ианыҟоу аамҭазы иузцәырҵуа аҵкыс еиҳау даҽа цәаныррак!
Уаԥхьаҟа иубап уи...
− Сара сыԥҳәыс ахшара длоуны далгахьеит...
− Ус умҳәан, – сыжәҩа днас-насит, аха иара иҭагылазаашьа
егьа еилыскаарц сҽазыскыргьы сара ишысцәыцәгьаз еиԥш,
иаргьы сара сҭагылазаашьа изеилкаауамызт.
Аԥсабара иамамызҭгьы, Адица, ахатәы закәанқәа, ауаатәыҩса иазаҳаӡбыр акәхон. Урҭ азакәанқәа иахьынӡабзиоу, мамзаргьы иахьынӡацәгьоу сара сыхшыҩ хәыҷы
иазеилыргом. Акызаҵәык, избаз убри ауп, иара, аԥсабара,
иузԥнаҵәаз уанынахыҳәҳәа, иаразнак уахьнархәуеит. Иҟалап, даҽа ԥсабаратә закәанкгьы аус ауазар Мирон иҟны, аҳа
аҽныҵәҟьа иалагӡаны, аус зуны избаз убри ауп, аԥсабара
иуананамыжьуазаап амцхә угәырӷьацәар. Ииашаны иҟарҵоит аԥсараа, агәырӷьара дугьы, агәырҩа ду еиԥшҵәҟьа,
усҟак иахьӡыррымго.
Ақалақь ҳанналала, раԥхьаҟа ҳцап иҳәан, ҳара ахшараур­
ҭа ахәышәтәырҭаҿы ҳнеир акыр ҳаԥсоума ҳәа алаф шилсхуаз,
иԥҳәыси ианхәеи ҳашьҭахьҟа иаанҳажьит.
Басла ацҳа ҳаннықәсуаз, даасгәалашәеит, иԥаҵақәа кьатрацәӡа, Мсыгәда анышәынҭраҿы дназгаз аҭаҳмада хачача.
Уи излеиҳәаз ала, Басла ацҳа унықәгыланы уаанаԥшыр,
Мсыгәда дахьыҩноу аҩны лаҟә хәыҷы ашҭа унҭаԥшуеит.
Аӡиас ихықәгылоуп. Сгәы аҭҳараҳәа аисра иалагеит. Абраҟа
ааигәаӡа дыҟоуп, ҳара ҳаицәыӡра зыхҟьаз аԥҳәыс, ан ла-

мысда. Лымацара лакәушь уи зегьы зхароу? Издыруада, лара лхаҭагьы... Уаҳа лызхәыцра сҭахымызт.
Ахшара дзоураны иҟаз аԥҳәыс ҳашьҭахьҟа дааныжьны,
ахшараурҭа ҩнаҿы Мирони сареи заа ҳнеит. Мирон усгьы
шаҟа дуаҩы еилҟьа-еилӷәыцәу бдыруеит. Али-ԥси рыла,
илԥылартә, ршьапы иқәиргылахьан акушеркацәа, драцәажәон аҳақьымцәа. Изықәтәаз амашьына ахәышәтәырҭа
агәашә ишнадгылаз, иаразнак дрыма ицеит. Ианхәагьы
ахәышәтәырҭа аҩныҵҟа, ашҭахь дынҭалеит. Ҳара агәашә
ҳҭыҵны, адәахьы ҳгылоуп. Мирон иакәым, лара, анхәагьы
амаҳә дицәыԥхашьоит. Сара уи ахьызбо ччараха исысуеит.
Ҳаԥшуп. Аҭаҭын дахоит, длеиҩеиуеит Мирон. Игәы зла­
сырӷәӷәаша џьара акы сҳәақәарц салагоит, аха башоуп.
Ианхәа лзыҳәан: «Анигьы амла дагеит», – иҳәахуеит уажәыуажә. Ҳаннеиз акыр иҳаракны икыдыз амра, ашьшьыҳәа
илаҟәуа, инҭашәеит. Алашарақәа каххаа иадыркит. Усҟак
зыбҭахузеи, атақси днақәсыртәан, лҭынхацәақәак рахь дызгеит Мирон ианхәа. Уаҟа данаансыжьуаз:
Нан дукәыхшоуп, шәара шәцаанӡа, ахшара длоуны дҟа­
лозар, усырааԥсоит, аха уаадгыланы исаҳәа, сара сышь­
ҭалаӡом, – лҳәеит. Ажәа лысҭеит, уеизгьы-уеизгьы ишласҳәо
ала. Аресторан, ма акрыфарҭахь ҳцап иҳәеит Мирон, аха
исымуит. Ҳцан алауашь ааҳхәеит, аԥаҭлыка иҭаз уарашк
ҳамԥыхьашәан, уигьы аашьҭысхит. Ҳҭатәоуп амашьына.
Аҵх агәы еиҩнашоны, ахалаҭ лышәҵаны, ахәышәтәырҭа
даадәылҵит акушерка.
– Ҳара ҳахьоуп дахьаауа, дыздырит, абри лоуп сзацәажәаз, дызгазгьы, – иҳәан, амашьына дынҭҟьеит Мирон. Саргьы снаишьталеит.
Лааишьеи лҳәашьеи сгәамԥхеит. Сҽааныскылеит. Анцәа
уҟазар, дырманшәал сҩыза. Уи даԥсоуп иара.
Амедицинатә еиҳәшьа, Мирон дшынаидгылаз, ажәақәак
иаарласны инаиалҳәан, ашырҳәа лышьҭахьҟа даахынхәит.
– Ур-ра-а! – иргеит Мирон. Дҩышьҭыԥеит. – Аԥа дсоуит,
Алиас, аԥа! – сгәанала, уажәраанӡа дыԥхашьаны зыҟны
дцәырымҵрыз ианхәа иааигәара дыҟазҭгьы, даашьҭыхны
дгәыдикылон. Зны сара сахь иҿааихеит. Иҽааникылеит.

Иџьыбақәа еимдо, аҭаҭын дашьҭалеит. Сара амедицинатә
еиҳәшьа лышҟа сҿынасхеит. Ахәышәтәырҭа дныҩналоны
даа­хьасырԥшын:
– Гәырӷьаҿҳәашас, – сҳәан, ирмазеины искыз ԥарақәак
лџьыба инҭасҵеит.
− Мап, – иааҭԥааны инаслыркит. Исгәамԥхеит лцәажәашьа.
− Асоума ауаҩы ишидырныҳәало. Беигәырӷьоу бамеигәырӷьоу аилкаара уадаҩны, ччаԥшьк бқьышә иқәӡамкәа...
− Уара узлаизыҟоузеи? – лҳәан, ҳааигәара дыҟоума,
лыбжьы иаҳауамашь ҳәа Мирон иахь даанаԥшит. Избоит
ҳәатәык шлымоу, аха аҳәара шылцәыцәгьоу.
− Ҳаиҩызцәа бзиақәоуп. Аԥа!.. Иҭабуп, агәырӷьаҿҳәаша...
– еиҭа аԥарақәа лысҭарц сналагеит.
− Аԥа диоуит, аха...
− Исзеилкаауам, аԥа диоузар диоуит, аха ҳәа зацҵатәузеи? Ахәыҷы игәабзиара, лара иԥҳәыс?
− Игәабзиара, икапан, зегьрыла дхәыҷы бзиоуп, иангьы
лыхшароура мариан, далҵхьеит...
− Ибымҳәо закәызеи?
− Ахәыҷы... Ахәыҷы диит длашәны... Сара исызиаҳәом...
Саргьы исызиамҳәеит, Адица.
Ианхәа лҿы ҳныдгылан, бжа иашак наласҳәеит. Ҳахьаауаз, алымҩанык, амашьынаҿы сахьидтәалаз, зны ацәа сҭанагалазшәа ҟасҵон, ҽазны ацәажәара даҽаџьара иахызгон.
Мирон игәырӷьара хышхыҵәо, дааҟәымҵӡакәа дызлацәажәоз иҵеи иӡбахә акәын. Дшыхәыҷу маха-шьахала дыӷә­
ӷәаны, хыла-хшыҩла дыбзианы дшиааӡо, аҽықәтәара шиир­
ҵо, дшәаҳәаҩны, дкәашаҩны дшыҟаиҵо...
– Исаҳәеи уаҳа изыҟасҵара? Ибаргәузеи! Сара саб
данҭахоз, нхара-нҵырас иҳамааз? Маҵурҭа заҵәык. Уажәы
акәасқьа, аказарма, ацаҵәҟьа ргылатәыс имам. Сара ирҳаны
исымоу аҩызцәа, аҭынхацәа, изацымҵаргьы, дара ибар уа­
ҳа иҭахӡам, иҩны асас дагхом. Иумбои сара саб изакә малу
исзынижьыз. Ихьӡ-иԥша, уи ишәшьыра... Уара иудыруеит,
Алиас, ақыҭаҿы, рыбзиара аҟнытә, пату сықәырҵоит. Саныхәыҷыз, сан иахьагьы илҳәоит, аџьықәреи еилаԥсаны

илырҭон, ҳара ҳмал ахьчара зхы ақәызҵаз Аԥҭа иҭаацәа ам­ла
иаҳаркуам ҳәа. Саргьы, срыхәартә саныҩеидас, иахьаасылшо
схы рхызбаауам. Ҳџьабаа уаԥсахеит ҳәа, сахьнеилак, ачеиџьыка ахьсызцәырырго, сгәы иахәоит. Уи аҵкыс еиҳау малс
ииҭахузеи уаха ииз... Уцәама, уара?
− Сышԥацәо, уара бзиа збаша...
− Исҳәоу умаҳаӡозшәа утәоуп...
− Зегь реиҳа бзиарас уҷкәын изыҟауҵаша уасҳәап... Даҽа
ҷкәынак духшар, еишьак диоур....
− Знык ахшараура далагазар, лхаҵкы сцааит, сыԥҳәыс,
ҟоҳ, зынӡак сыламыс сфаӡеит, уҭаца хәыҷы... Уаргьы ԥҳәыс
данааугалак, уаргьы дануоулак аԥа, абыржәы уштәоу еиԥш,
схырсысуа стәозар убап... Иубалап иҟасҵақәо...
− Уара агәра ганы уҟоума сара насыԥ сыманы сшыҟало?
– инахызгеит.
− Иауазеи агәра сымгакәа. Уԥшра ыҟа, усахьа, ухшыҩ баа­
ԥ­сымкәа... Дарбану раԥхьатәи зыбзиабара зыцныҟәахьоу?
Зегь ааухаиршҭуеит аԥа дануоулак, зегьы...
Мирон агәра гаҵәҟьаны дыҟоуп сара мышкызны насыԥ
сыманы сҟалоит ҳәа. Саргьы агәра зысымгарызеи, мышкыз­
ны иблақәа ирбо дҟалоит ҳәа уи ихшаз аҵеи.
Иаҳагьы еиӷьзар Мирон аиаша ахьиасымҳәаз?
Убри ауха, Адица, Мирон аиаша шиасымҳәаз еиԥш,
аиаша басымҳәаӡеит баргьы, Мирон аԥа даниоу ашьҭахь,
мчыбжьык ааҵхьаны, бареи сареи ачараҿы ҳанеиқәшәаз.
Ибасымҳәаӡеит аиаша, избанзар, сазхәыцуа салагахьан акы–
иахьатәи аиаша уаҵәы имцхар ҟалоит, мамзаргьы, иҟалоит,
иахьатәи амц, иреиӷьу иашаха иаақәгылар уаҵәы. Сааԥшып,
иаасычҳап. Ибгәаламшәои, ҳаицыкәашаны ҳанаақәҵ, бна­
сыхәаԥшын:
– Иуҭахымзаргьы, ус иаԥуп ҳәа, уааԥышәырччар, иухьзеи,
уқьышәқәа еихарԥсны, – аныбҳәа, сыччаԥшь иаҳагьы исҵәахит. Сгәы мыччозшәа, убри аҟнытә сқьышәқәа аччаԥшь
рықәҵашьа амамшәа ҟасҵеит. Усҟацәа иччон сгәы, бара
бахьызбоз уаҳа исҭахыз, аха ччашьа змамыз сқьышәқәа
ракәын. Сааԥышәырччар, Фриц иԥсы иеиҭаз схаԥыцқәа

шыҵагыламыз ббон. Убри адагьы, сҿымҭрала исҳәеит даҽа
мцыкгьы. Ибцәызӡеит ачара саҳәаӡамкәа сышнеиз.
Даанӡа бымнеиааит, Чаҵә Чагә ҳәа дыҟазаарын. Исаҳахьеит уи абас иҳәалон ҳәа. Схаҵоуп ҳәа аиқәа ушьаны,
Аԥсны ҟьаҟьа дуӡӡа уқәны, амц шԥоуҳәои, узырԥхашьаша,
ашәыргәында ииҳәо амц. Аха иамуӡакәа, амц умҳәар ада
ԥсыхәа умамкәа уҭагылозар, иҳәа убас еиԥш иҟоу мцык,
ҩбаҟа-хԥаҟа шықәса иуҵымҵыша.
Сара уи ачараҿы исымҳәаз аиашақәа ҩба-хԥа шықәса
ракәым, ҩымш-хымш рылагьы иаасыҵыҵуеит. Схаԥыцқәа
шыҵхыз бара ибымбартә сқьышәқәа еихасырӷәӷәазаргьы,
избаз инабарҳәап. Ачара саҳәамкәа сышнеизгьы балҳәозар
акәхап Мери, избанзар ауха, лысаби дыкны данаасыдгыла, ус
наласҳәеит, заа иӡбаны исымазшәа:
− Мери, сышԥаббои, схаҵаӡами уажәы?
− Иҟауҵазеи хаҵарас?
– Ишԥасабҳәеи... Аԥҳәыс бзиа дызбо ахаҵа, ихы ахьлы­­қәиршәаша дашьҭазароуп, уара зынӡаск дахьумбаша,
лыӡбахәгьы ахьумаҳаша уқәҵны уцеит ҳәа сазҳәада? Бара.
Абар сахьааз. Сзаазеи? – ллымҳа инҭасҳәеит: – Ачара саҳәаӡамкәа сааит, аӡәы иааиаҳар, сшыбзоу сыԥсит.
– Маладец! Уаазааит. Иаԥырхагам иахьуаҳәам. Мирон
уицуп. Уи азхоит, насгьы баша крыфаны усгьы уцарым.
– Уахь бысцәымшәан, иахәҭаз ахаршә иацҵангьы исшәеит.
Снеира шыҟалаҵәҟьаз бдыруама? Ишбасҳәаз еиԥш,
сгәырӷьареи хьаас исоузи неилаҭәо, ҿымҭуа, сиҵаӷьычызшәа,
сҩыза иблақәа рхыԥшылара сцәыхьанҭаха, ахшараурҭа
аҩны аҟнытә ауха ҳанаауаз , ус ҿааиҭит Мирон:
– Иааиуа асабшаҽны умнеиӡои Аԥсараҟа?
− Иҟоузеи, сызнеиуазеи?
− Ишԥа, иумаҳаӡаци?! Сенсациа, ЧП ҟаланы иҟоуп, уара,
Аԥсара! Ԥҳәыс дааигеит... Дарбану зугәахәуа? Ахеивҟьа
ԥҳәыс дааигеит, Ахеивҟьа! Баҭал-иԥа Бақьыр! Ихьӡҵәҟьа
ҳҳәалароуп уажәшьҭа, акәымзар...
− Ԥҳәыс димаӡамыз, уара, уи?
− Еилыҵижьҭеи хышықәсаҟа ҵуеит. Иумаҳаӡаци уи иԥҳәыс
дызилҵыз?

− Усҟан арра сыҟан.
− Иуздырӡом? Ассир уасҳәоит. Игәоуҭахьоу, дхьыжәкәыжәны иҽеилеиҳәоит, ихы ирҟәыдуам, иԥаҵа исом, аха
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 10
  • Büleklär
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3316
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2349
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3340
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2352
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3345
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2250
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3328
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2316
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3385
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2344
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3340
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2306
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3345
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2368
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3324
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2290
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3285
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2281
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3325
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2308
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3339
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2313
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3318
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2348
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3280
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2285
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3350
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2310
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3316
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2353
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3308
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2351
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3323
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2369
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3363
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2349
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 19
    Süzlärneñ gomumi sanı 3351
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2342
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 20
    Süzlärneñ gomumi sanı 3304
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2412
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 21
    Süzlärneñ gomumi sanı 3400
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2398
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 22
    Süzlärneñ gomumi sanı 3355
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2328
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 23
    Süzlärneñ gomumi sanı 3464
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2309
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 24
    Süzlärneñ gomumi sanı 4490
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1950
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 25
    Süzlärneñ gomumi sanı 4507
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1947
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 26
    Süzlärneñ gomumi sanı 4637
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1904
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 27
    Süzlärneñ gomumi sanı 3881
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2004
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 28
    Süzlärneñ gomumi sanı 3326
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2241
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 29
    Süzlärneñ gomumi sanı 3292
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2241
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 30
    Süzlärneñ gomumi sanı 3355
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2227
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 31
    Süzlärneñ gomumi sanı 3411
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2257
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 32
    Süzlärneñ gomumi sanı 3351
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2322
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 33
    Süzlärneñ gomumi sanı 3328
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2331
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 34
    Süzlärneñ gomumi sanı 3423
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2326
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 35
    Süzlärneñ gomumi sanı 3404
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2300
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 36
    Süzlärneñ gomumi sanı 813
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 627