LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 08
Süzlärneñ gomumi sanı 3324
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2290
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
ихьчар акәын. Ибзиоуп, иаҳҳәап, шықәсык ахь уахыки-ҽнаки
аџьныш-қаҷаа дитәызааит ауаҩы, ауаҩ бзиа. Егьырҭ имшқәа
зегьы итәызааит дызшаз. Усҟан ишԥаизаҳҳәо ауаҩы бааԥс?
Абзиа уахыки-ҽнаки дҩашьоит. Уаанӡатәи ибзиарақәа
убри амши аҵхи наԥышькласуеит. Ацәгьа? Уи шеишықәсеи
рыбжьара аџьныш-қаҷаа дитәуп. Иаалырҟьаны уахыки-ҽнаки
деиҭаауеит Анцәа. Убасеиԥш иҟоу бзиарак иирҟаҵоит, егьырҭ
амшқәа раан иҟаиҵахьаз ацәгьарақәа зегьы наҵанарӡыртә,
«амрагьы шәытак амоуп» рҳәартә еиԥш.
Ауаҩԥсы, Адица, сара рыцҳа сакәым, дызшаз ихаҭагьы
дибар дизеилымкаауа аҟара иҽеиҭеикхьеит. Сара исзеи
лкаандаз сыбзиабара аԥашә аҵызҟааз, аҟәыӷацәа зегьы
раҵкыс сҟәыӷаны схы сыԥхьаӡарын, сраԥысрын аусеил
кааҩцәа зегьы. Дзыԥсоузеи, шьыри, акомиссар Мегре!
Абар, аусӡбарҭаҿы иҵәаху, башьа Баӡ иус. Ианалагаз
бдыруеит. Маи мза, 1961 шықәса. Мызкгьы иадымхалеит...
Дсымбацызшәа, акраамҭа сахәаԥшуеит Баӡ ифото. Дзакәыҵәҟьаз сзымдырӡозаарын, схәыҷаахыс издыруаз ауаҩы.
Ҵаны, ҳаиҩызцәаны, ҳаицныҟәо ҳаҟамызт. Аха ашкол аҿы
мацарагьы маҷ аамҭа ҳаицҭазма. Бареи сареи ҳаҵкыс
х-класск рыла деиҳаны дтәан. Уажәы, адокументқәа рылоуп
ишеилыскааз Баӡ Аҟәа аиндустриатә техникум дшалгаз
ала ақьаадқәа. Ҳқыҭаҿы ааба даналга, дабацеи ҳәа сыҟан.
Сара исгәалашәом, уи ашкол аҿы аӡәы диеисхьаны. Убасҟак
дҭынчын, дуаҩы ҽыԥхьакҩын, дцәылашьшьума уҳәартә,
амала, ибзианы исгәалашәоит, ампыл асраан, аӡәгьы дихьӡомызт, амба дҭагыларгьы, ацыӷ еиԥш акәын дшыласыз.
Ашкол аҿы иҟарымҵацызт афымцатә ҵәҵәа. Абарҵа абаҟәқәа амасар рыдчаԥаланы икнаҳан асаркьал. Аҩажәатәи
ашықәсқәа раан, ҳқыҭан игылаз аныхабаа андырбга, ашкол адиреқтор асаркьалқәа руак, уамак идуцәамыз, иааганы ашкол абарҵаҿы, харантә унаԥшыргьы иахьубашаз
иныкнеиҳаит. Ашаха ацымхәрас, ахәыҷқәа иԥырҵәон аҟнытә, агәыцә иадкнеиҳалеит, ахьхьаҳәа еилаԥсо, адаҷ-па
хәыҷы. Арҵаҩцәа руада аҟнытә, рҵаҩык, ма иара адиреқтор
ихаҭа, икабинет даадәылҵны, ажәакгьы мҳәаӡакәа, инапы
ааирҵысуан, аперемена нҵәеит, аҵәҵәа шәас ҳәа. Шәарҭ,
аӡӷабцәа уахь шәназышьҭуадаз. Ҳара еимаҳкуан. Џьоукы
аҵәҵәа ишаҵагылоу мацара, имыхәмарӡакәа, иаандырҵәон
аперемена, асаркьал иасырц иԥшны. Ҽнак сара снамҵасуа
ны, Баӡ иааникылеит асаркьал агәыцә иацраҳәаз адаҷ.
Знык-ҩынтә раҟара агәыцә ыргьаланы дасхьан. Насыԥла,
аӡәгьы даҵагыламызт. Ирӷәӷәаны дахама, мамзаргьы цқьа
иҿаҳәамызма, ишыҟалаз сыздыруам, асаркьал ахаҭа ахькнаҳаз иҩамҟьеит. Абыркьыл иаахеит. Илаҟәыҩрын, агәараҳәа аҩаршьҭра илҭаҳаит. Еилагьежьрахеит.
− Машәыр ҟалама, машәыр?
− Ишԥаҟалеи?
− Иԥҽыма?
Машәыр шыҟамлаз аниба, иԥсы илалан, асаркьал ахьы
шьҭаз инарҳәы-аарҳәуа дахәаԥшуан адиреқтор. Иҟалап,
уи изыҳәан, асаркьал, аурокқәа ҳанрылгози, ҳанрылагози
ахьҳанаҳәоз аамышьҭахьгьы, ианаҳәақәоз ыҟазҭгьы. Шаҟа
деигәырӷьазеи иахьԥымҽыз.
− Аҭоурых... Ҭоурыхтә реликвиоуп ари! Шәара ижәдыруама шаҟа шәышықәса ахыҵуа!.. Иказыжьда? – дааҳалаԥшит. Аӡәгьы ҿаҳамҭӡеит. Дааҳалҵын, ҿымҭ иаԥхьа днагылеит
Баӡ. – Уара уоума?
− Машәыруп. Исҭахымызт, исцәыҟалеит, – иҳәеит Баӡ.
Убасҟан иҟаиҵаз, иҟазшьа аилкаара азыҳәан акыр санаҳәомашь ҳәа сазхәыцит уажәы. Дшәыргәындоума уҳәартә,
еисрак зҽалазымгалоз, ибла неихамҟәысит, сара соуп асаркьал казыжьыз ҳәа адиреқтор ианиеиҳәоз.
Убасгьы сгәы сынҭахәыцит: «Аснабженец» Фрици сареи иҳахьыз аус аҿы, сара сҭыԥан Баӡ иакәызҭгьы, ихы
шԥамҩаԥигоз, ишԥаҟаиҵоз?» Сыбзиабара аус аҿы, сгәанала,
ишыҟаиҵоз сымҩашьахуа издыруеит. Сара саҟара ихы иргәаҟуамызт. Иӡбуан иаармарианы, иӡбуан жәлары ишырбо,
иаахтны. Бзиа иибоз аԥҳәызба дицәызгаз изынаицҳауан,
дшугаз еиԥш унапала даархынҳәны, ашьшьыҳәа сашҭа дын-
ҭаҵа ҳәа. Иажәа акгьы аналымҵлак, деиқәных абџьарла
иҽааибыҭаны днеины, иԥсықәара днаиаԥца, диманы аҩныҟа
даауан.
Ибдыруеит, ақыҭа далҵааит, сыбла иҽеимырбааит ҳәа знык
изынаицҳаит Аруҭан, изынаицҳаит ҩынтә. Дегьызеиӷьымыз
ауаа изынаишьҭит. Ашьҭахь иҟаиҵаз бдыруеит.
Сахәаԥшуеит иус аҿы, акьаад иадырҷабланы, иаӷроу
ифото. Бара, иаҳәшьа, иаҳа бнаӡааӡоуп, иара кьаҿк, имахашьаха еилаҟацаӡа, дҭынчӡа дахьгылоу, усыламкьысын, сулакьысуам рҳәоит иблақәа. Инапала идирбоит данхысуаз
дахьгылаз. Адәқьан аԥхьа, агәашә дахьааҭалазоуп.
Ашаҳаҭцәа руаӡәк, ахәаахәҭҩы ԥҳәызба, абар илҳәаз:
«Аруҭан адәқьан дыҩнан. Аҭаҭын ааихәеит. Дызусҭоу сгәалашәом, аӡәы днаидгылан, акы наиеиҳәеит. Аруҭан ихы-иҿы
аҽаԥсахит. Дгьежьыхынҳәуа ԥыҭраамҭак дгылан. Адәахьы
саанаԥшит. Ҳадәқьан ашҭаҿы агәашә ҿоуп. Агәашә дҭаланы,
дааскьаны, иџьыбақәа инапқәа рҭакны ашҭаҿы дгылан Баӡ.
Иԥшышьа злаҟаз ала, сгәанала, уи убраҟа данааи ауп Аруҭан
ааигәа дшыҟоу аниарҳәа. Сҩыза ӡӷаб, ахәаахәҭҩы, уҽыҵәах,
ашьҭаҵарҭахь уҩнал хәа иалҳәеит. Ҳара иаадыруан урҭ
шеиӷацәаз. Илакҩакрақәа рышьҭахь, аҭаҭын амца наиркын,
ашьшьыҳәа дындәылҵит Аруҭан. Ашҭа аҵыхәахь аҟара
днеихьаны... ахысыбжь геит».
Адәқьан данаадәылҵ, иџьабшьаша, дыҩ акәым, иныҟәашьагьы иацимҵеит. Иҟан аҽыԥхьакырҭа. Аанда агана
хьала игылан агаз зҭарҭәоз абак ду. Иҽнаваикыр ҟалон.
Ауаа ишырбо дшәар, дыҩыр ԥхеишьама, мамзаргьы... Исыздыруам иахысҳәаара.
Иагәыларҷабны аус иаӷроуп даҽа фотокгьы. Уаҟа Баӡ
афымца ҭел хаҽрак еикәарҳәны ижәҩахыр ихшьуп. Амаганеиԥш, рԥынҵақәа ырхәаны, аҽышькыл еиԥш ишьапы акылхырҭа рышьхәақәа рҿы иаҭаны, инапаҿы икуп абаҟәқәа
дызларықәлоз аихацқәа. «Ҳирлашеит, иԥсынҵры ҟалааит,
Арсана иҷкәын», – рҳәон аԥсараа.
− Абри аус аамышьҭахь, уаанӡа ишԥеизыҟаз Баӡи Аруҭани?
Аиӷара рыбжьазма? – Аруҭан иаҳәшьа длазҵааит аусеилкааҩ.
− Баӡ изныкымкәа ҳаҩны днеихьан. Иаҳагьы далкааны
пату иқәиҵон сашьа. Афымцалашара анаҳзыҟаиҵа, ишимуаз,
ахә ииҭеит, еидтәаланы акреицырфеит, – ачеиџьыка пату
шақәимҵаз, Баӡ дышуаҩым ҳәа уинахыс иацылҵақәаз
бара изыбҭахузеи. Ауаа иахьраҳауа, лашьа диқәыӡбуазшәа
дцәажәон, аха аус аҿы шаҟа лылшоз лашьа длыхьчон.
Леилкаара мариоуп. Бхаҿы иааг абри еиԥш асахьа. Аруҭан инхара-инҵыра бзианы ибдыруеит. Шьамханынӡа
иҩышьҭыхны игылоуп аӷәтәы кәасқьа. Аҩны ахышәараҵышәара иавоуп абарҵа. Аџьтә ҟауар, излахыбу, убасҟак
ахылҵуеит, акалҭкәа рҿы ашыцламҭә ақәиаахьеит. Абарҵа
азыбжаранӡа иахьынҳаланы иақәуп аҳардан ӡахәа. Иҟалоит,
ажь анҿалашаз аамҭазы акәзар. Усҟан ишәҭуеит аӡахәа.
Аԥаҵа хәыҷқәа амышәшәаны икаԥсоит. Ашьхыҵә ихҭаркуеит. Иахылҵуеит убасеиԥш фҩы хаак, ухлахаҵ аргьежьып.
Иҟалоит, ҭагалан акәзар. Иҩежьхоит, аԥсы алҵуеит аӡахәа
абӷьы. Ихьархьаруеит аԥша ахьасуа. Излиааз, иарԥшӡоз
аӡахәа амахә, иаԥырҵыр аҭахым, аха урҭ еиҟәнамыкәкәаар
ауам аԥша. Зны ашьхарахь иарнаауеит, ҽазны иаанарҳәуеит
агаҿаҟа, зны мчыла иажәлоит, ҽазны иаргәыбзыӷуеит, аха
агәҭакы акоуп – иааит, абӷьы, уаамҭа, уҿшәа, иааныжь умахә
гәакьа.
Абри акәасқьа абарҵаҿы итәоуп ҩыџьа ахацәа. Афатәажәтә рымҵагылоуп. Руаӡәк иуаҩра днахыҳәҳәахьеит. Иблақәа цқьа урхыԥшылар, убас еиԥш угәы иаанагап дышҭиҵаара дыҭҵааны далгахьеит ауаҩы, егьа иоуҳәаргьы, иара
изыҳәан акгьы ҿыцым, иара изыҳәан акгьы џьашьатәым.
Ицәхаԥшь-цәиқәароуп иаанханы изықәу ихахәы. Абахҭаҿынтә дхынҳәижьҭеи шықәсқәак шҵхьоугьы, ихы-иҿы
иацәымӡыц ахьҭеи аҵаа цәгьеи рышьҭамҭа. Даныччо, аҳәса
реиԥш, иччаԥшь дацәыԥхашьошәа, иҵәахуеит, иҿы инапы
наԥыраикуеит. Дырцәыԥхашьоит ахәышҭаара иҽҳәыргазшәа, ихыжәжәа-ԥыҽҽны, ихыблаа-ҿыблааӡа иҟоу ихаԥыцқәа. Дааҟәымҵӡакәа аҭаҭын дахоит. Иныԥшыр иҭахым
игәаҵа ҭызблаауа агәалашәарақәа. Убри ахаҵа иаԥхьа
дтәоуп зҭәымҭа иҭагылоу арԥыск. Уи иӡамҩақәа ашьеи-ахши
еилаҭәоушәа еилыԥхаауеит, иблақәа ихалашоит. Урҭ аблақәа
рҽахьыргара рмоуа, зны иԥхашьоит, ҽазны инархыҳәҳәылоит агәадура. Изҳаит, дхаҵахеит уажәшьҭа уи арԥысгьы...
Аруҭан дызҭаркыз, иҟаиҵаз шҽеим, ишҵаура усым иаҳахьеиг
Баӡ, аха зегьакоуп гәыблрак, ҳаҭырқәҵарак изцәырҵуеит.
Днаиазҵаауеит.
– Абасҟак шықәса абахҭа... Ахьҭа, амла, аҵаа! – хылахшыҩла иеиликаауеит уи шхаҵарам. Иауам, изыхәаҽуам
игәаҵан иҿыхаз агәыблра. – Ицәгьазу, Аруҭан? Аҩныҟа
гәхьааугозу?
– Ишԥоуҳәеи? «Аҩныҟа гәхьааугозу?» Иуҭахума аиаша уасҳәар? Мап, зынӡаскгьы игәхьаазгаӡомызт, – Баӡ
изеилкаауам ари аҩыза аҭак. «Иаанагозеи? Агәаҵәадара?
Агәахшәара? Мамзаргьы...» Баша игәы дҭахәыцуеит. Убасҟангьы, убри ашьҭахь абахҭаҿгьы аҭак изымԥшаазт, наҟ
ихаиршҭит арԥыс. Аха, аҭак шизымԥшаазгьы, ихамышҭуа
иаанхеит убасҟан иеиҳәаз даҽакы. – Абахҭа акәӡам ицә
гьоу, зегь реиҳа ицәгьоу ахьымӡӷоуп, дад, ахьымӡӷ. Даҽа
убриаҟара сықәырҵахгьы, цәгьак, бзиак аҿы сызнеиуа,
сыбла сызцәырго сыҟандаз. – «Хымԥада, ихьыз гәнигоит,
иҟаиҵаз шҽеим еиликааит. Ачарахь уҳазнеи хәа иарҳәар,
мамзаргьы шәаџьҳәаҩык иашҭа дҭалар, ииҳәо акоуп... Иҭабуп
иахьсеиҳәаз, сара џьара снеиуа-сааиуа сыҟам...»
Аҩныҟа имҩахыҵуа мыцхәы диеигәырӷьоит Аруҭан.
Асасдкылара иаҵанакуа аамышьҭахьгьы, иҩныҟа имҩахыҵыз, ичеиџьыка мап ацәызымкыз, ианаижьитоуп иху ахьӡ
бааԥс. Урҭ асасцәа аӡәгьы диеиԥшым уажәы иаԥхьа итәоу
арԥыс. Дҭиҵаауашәа, дихәаԥшуеит, мызқәак анаабжьыслак,
илеигәыдҵаны дызшьраны иҟоу. Уи имбарц залшомызт
ари арԥыс убри аҩыза агәаӷьра шилоу. Аха зегь реиҳа
дзызхәыцуа, игәаланаршәо... Ицәажәашьа... Иашоуп, Баӡ
зегь реиҳа иан дызлалеиԥшу ибжьалоуп. «Абасҵәҟьа акәын
ари иан лыбжьы шыҟаз...»
Усҟан, иаргьы абасҵәҟьа, абри арԥыс иеиԥш, ихаҵарԥыс
ра данҭагылаз аамҭазы, агәра анигоз уи абжьы, азыӡырҩра
ԥсҭазаарас ианишьоз... Реиҳа игәалашәауа, аҵыхәтәанӡа
акәны...
Аныҳәаҿақәа иҳәоит, аҭаҭын днаҿыхоит Аруҭан, аха
игәанала дазхәыцуеит, акакала игәалаиршәоиҭ, абри, иаԥхьа
итәоу, арԥыс ибжьы изнарҿыхаз... Уинахыс, убри ауха
нахыс...
...Амза убасҟак иҭҭәааӡа ишеи-шеиуан, ашәытақәа ианыз
уԥхьаӡарын. Ашьхара аганахьала ақыҭа иахагылоуп уи ахәы,
дара ахьеиқәшәалоз. Уантәи Аԥсара уахынла уалаԥшыр,
инеибанеиԥшны, иуарҳал еиқәаҵәаха ишьҭоуп ақыҭа.Ажәҩан
иалышәшәаны, ауарҳал еиқәаҵәа иқәыԥсазшәа, анаҟа-араҟа
икәеицеиуеит аҩнқәа иркылԥхо алашарақәа. Алашарақәа
ахьарку бзиа илбон аԥҳәызба, иаҳагьы еиӷьишьон арԥыс;
аҩнқәа зегьы рҿы, алашара шаадырцәалак, инеиԥырҵны
ицоит рыҩныҟақәа. Уаанӡа, ҩнык аҿы алашара аркнаҵы...
Амҩа нымҩахыҵ, адәҳәыԥш аҿы иқәгылоуп аџьҵла. Ақыҭаҿы
ианыҟоу, уброуп иахьеиқәшәало. Убри, аҵыхәтәантәи аухаз,
нанҳәа мза ҩажәиак, 1939 шықәсазы, аҩнқәа зегьы рҿы
алашарақәа дырцәахьан. Уаҟа инхоз насыԥ роуртә, асааҭ хԥа
инархысаанӡагьы ҩнык аҿы алашара аркын.
– Уажәшьҭа сцароуп, Аруҭан, аҩныҟа. Ас аҵх цахьаны,
аҩны, сан, саб, сашьцәа, аӡәы сааибар...
– Мсыгәда, дара ирдыруеит сара ишыздыруа, сара
ишыздыруа дара ирдыруеит, дара акгьы сарҳәаӡом, сара
акгьы расҳәаӡом, ҳазегьы бара акгьы баҳҳәаӡом, – ажәақәа
ырхәмаруа алаф иҳәоит арԥыс, нас рыҵаҟа ишьҭоу ақыҭахь
днаирԥшуеит. – Абни аҩнаҿы алашара дырцәаанӡа баангыл. «О, баанҿас, баанҿас, сылашара, аԥхыӡ беиԥшха, бым
цан, бымцан, бысцәымӡын!» Иахьынтәаагоу бдыруазар арҭ
ажәақәа? Урҭ иӡбеит, агеницәа ргени Аруҭан, аԥсуа Пет
рарка!..
– Мсыгәда лыхьӡ камшәо, Беатриче лыхьӡ еиԥшха еиқәзырхаз, – Аруҭан илаф лыҽнақәыршәаны инаиаҭалкит
Мсыгәда.
Иаҳа-иаҳа иҭтәаауан амза. Рыблақәа ҭыџьџьаауа, ауаатәыҩса ишеимаркло еиԥш адгьыл, ажәҩан еимаркуан ае
ҵәақәа. Арԥыси аԥҳәызбеи еицәшәа-еицәыԥхашьо... Ир
зымгәаӷьит аибагәӡра. Убри аҵх дара рыбзиабара азыҳәан
ишҵыхәтәантәихоз рдыруазҭгьы, рынарцә мҩа иқәырга
лаша, еибагәӡрак ма иацәыргарын... Ақыҭа ацәа иҭанагалон.
Аҵыхәтәантәи аҩнаҿгьы алашара анҿыцәаа, Мсыгәда лгәашә
аҿынӡа днаскьеигеит Аруҭан. Уаҵәынӡа ҳәа инеиԥырҵит
еснагь ишеиԥырҵлоз еиԥш.
Аруҭан иаԥхьа итәаз, Мсыгәда лыҷкәын дихәаԥшуа:
«Уамашәаҵәҟьа иан лыбжьы ихоуп ари арԥыс», – иҳәеит
игәанала.
***
Убасҟан, ааԥнума, ҭагаланума, акәасқьа абарҵаҿы Аруҭа
ни Баӡи анеидтәалаз, Аруҭан иаҳәшьа илҳәан еиԥш, ҭынхацәақәак реиԥш ианеибаныҳәоз, мамзаргьы даҽазны, урҭ
рыҩны Баӡ афымцалашара анирҽеиуаз, иаҳҳәап, Баӡ ибазҭгьы, акәасқьа азал аҿы, ажәытә патефон аганаҿыҵәҟьа иқәу
афотоқәа ральбом... Уаҟа иагәылоу афотоқәа дыргәылаԥшуа
иҿынаихар... Иибақәоз фотоқәас? Ҩажәижәабатәи ашықәсқәа раан Аԥсара ақыҭантәи акомҿарра ақтивистцәа. Ачаи
аҿыхраҿы реиҳа ахьӡ-аԥша змақәаз. Ашкол еицалгаз гәыԥ
ҩык ашколхәыҷқәа. Урҭқәа зегьы, иаҳҳәап, усҟак илаԥш
рыдымхалеит, хәыцырҭас ишьҭимхит. Аха Баӡ илаԥш адым
халарц залшомызт фоток. Уи ҭыхуп Аҟәа, асасааирҭа
«Абхазиа» аԥхьаҵәҟьа. Еидгылоуп арԥыски ԥҳәызбаки. Алаба рхыршьылазшәа, аҩыџьагьы еиҟароуп, инаӡа-ааӡақәоуп.
Лаԥхьаҟа ииаганы, (дырхыҽхәозар акәхарын), ҩбаны иԥаны,
лӡара инахысуа, аԥҳәызба, лгәышԥы иадуп лыхцәқәа. Лыблақәа лхаччоит. Аныха дамҵагылоушәа, ихылԥа ихыхны икуп
арԥыс. Реидгылашьа ианубаалоит ацәшәа-цәыԥхашьара,
аҳаҭыреиқәҵара, аиҽырбара. Реизыҟазаашьа азыҳәан шаҟа
уанаҳәозеи реидгылашьа.
Абри афото аҿы Аруҭан дидгылоуп, Адица, Баӡи бареи
шәан, Мсыгәда. Убри ибахьазҭгьы, урҭ реизыҟазаашьа идыруазҭгьы Баӡ, дымхыскәа, итапанча днахарызушь?
Ирҳәоит, раԥхьаӡа адгьылаҿы зшьапы еихызгаз ауаҩы,
ишьапы иаҵамҟьыцызҭгьы ашышкамс, ауаатәыҩса ҳамҩа
асҟак ишьаарҵәырахомызт ҳәа. Изхысҳәаауа, Баӡ инапы
инахашаз аӡәы диқәшәазҭгьы аҽны, бареи сареи ҳажәҩан
шәыла иҭалаҳахомызт.
Баӡ дмырхыскәа аҽны днызкылашаз уаҩԥсы дышԥаиқәымшәеи анысҳәа.... Зныкыр аԥсаратәык иҳәо баҳахьоума,
Баӡ ауаҩы даниҳаршьыз ҳәа, зегьы ишырҳәо Баӡ Аруҭан
данишьыз ҳәоуп.
Дишьу, дидыршьу?
Ауаҩшьра ҟаларц сааҭк аҟара шагыз, хәҩык арԥарцәа
еицны, ҳқыҭан, адәқьан азааигәара иҟоу акрыфарҭа иныҩналеит. Иаармарианы акы инацҳаны, аҵәыцақәак аанкыланы,
русқәа рахь ицарц акәын. Аколнхара арахә рыҭраҿы афымца
неигон убри аҽны Баӡ. Егьырҭгьы усқәас ируаз, изҿқәаз,
ирыхьӡқәоу, ирыжәлақәоу ануп, аха бара изыбҭахузеи аус
аҿы иаҳәақәо зегьы. Ибзагәылызҩаауеит аӡәык-ҩыџьак
ашаҳаҭцәа ирҳәақәаз рахьтә акык-ҩбак.
«Мап, ижәны ҳаҟамызт. Ԥатлыкак ауатка ҳамҵагылан
хәҩык. Исгәалашәом дарбану раԥхьа Аруҭан иӡбахә цәырызгаз. Аҵәца ааникылеит Баӡ. Уи ииҳәазу? «Сара ахьымӡӷ сыдым.
Ҳқыҭа абыргцәа, аҟәыӷацәа неит Аруҭан иҿы. Ақыҭа уалҵ
ҳәа иарҳәеит. Аҵкыс еицәоу иарбану! Уара, Баӡ, хьымӡӷ удым
ҳәа сарҳәеит». Сара слымҳала исаҳаит Баӡ абас шиҳәаз. Уи
дишьырц зынӡаскгьы игәы иҭаӡамызт».
«Абыргцәа Аруҭан ақыҭа далырцеит, сара уажәшьҭа
хьымӡӷ сыдым» аниҳәа Баӡ, аӡәык-ҩыџьак ахьтәаз инцәыҵаччеит. Баӡ дгәааит. Ажәақәа еимаркит. Арԥарцәа Баӡ ихыччара иалагеит. Еилыскааит. Акрыфарҭаҿы аисра ҟаларц
егьаагымхеит. Изыхҟьазеи?.
– Аруҭан ақыҭагьы далымҵит, уаҩысгьы уимшьеит. Узеиԥшраҵәҟьаз гәаҭаны, уан диман, – иҳәеит аӡәы. Дық-шарц
аԥаҭлыка шьҭихит Баӡ. – Сара узсысуазеи, узықшозар,
ахьымӡӷ узыргаз, абнаҟа адәқьан дыҩноуп, ихы уас! – Изҳәазу? Дысгәалашәом. Мап, даанысымкылаӡеит Баӡ. Аруҭан
дипҟааит, ихьымӡӷ ихихып сҳәеит. Ааи, ҳаиҩызцәоуп. Мап,
дишьуеит ҳәа зныкгьы сгәы иҭамшәеит. Аҳәызба, атапанча ахаан акгьы ныҟәимгацызт. Дызлахысыз атапанча
иара итәымызт. Уи Аруҭан импыҵиԥааит. Сара исымбеит
ианимпыҵиԥаауаз, аха зегьы усоуп ишырҳәо».
Ари, аҩбатәи ашаҳаҭгьы, иахьынӡаилшоз Баӡ дихьчон.
Брызхәыцма иажәақәа «ахьымӡӷ ихихып», «ҳаиҩызцәоуп?»
Иџьабшьаша, Баӡ акрыфарҭаҿы идтәалаз, амца иҵаҵаны
Аруҭан дижәызҵаз, аусеилкааҩ данразҵаауаз акәзааит, сара
ҽырмашьца ҟаҵаны санрацәажәоз акәзааит, аӡәызаҵәык
гьы инаиҿыҵымшәеит ҳаргьы иаҳхарақәоугьы ыҟоуп ҳәа.
Убри аҟнытә, гәҩарас искит, иҟалап, дара, убарҭ рахьтә аӡәы
ииҭазар ҳәа Баӡ дызлахысыз атапанча. Руаӡәк, реиҳа гәҩа
рас исымаз сҽыргызмалны снаиазҵааит:
– Аус уанақәшәалакоуп аҩыза данеилукаауа. Баӡ ихьымӡӷ
ихихырц азыҳәан иҩызцәа шәицхрааит, – сҳәеит.
– Ҳазлаицхраазеи? – иааџьеишьеит.
– Аҽны акырицызфоз шәуаӡәык атапанча ишәымҭазҭгьы,
ихьымӡӷ злаихихуаз! Уи ҩызараӡами?
– Ахеивҟьа иҳәалоит еиԥш, сыхшыҩ аарҳәны иҭан убри
аамҭазы. Сгәы иҭаз нарҳәы-аарҳәны исҳәон. Еибаҳҳәаз
зегьы зыбҭахузеи.
Мап, урҭ аӡәгьы иимҭеит атапанча, уи агәра згеит. Дара,
ииашаҵәҟьаны, Баӡ адәқьан дшыҵалаз анырба, ахьӡи
ахьымӡӷи ҳәа Баӡ амца наиҵарҵан дрышьҭит, ауаа ишырбо,
диҿасырц, ианеиҳаха, шәахсҭак иниҵарц. Атапанча Аруҭан
имамызт, имазаргьы иҭимгеит ҳәа агәра злазго, ашаҳаҭцәа
зегьы ирҳәоит, Баӡ уи иааигәара зынӡаскгьы дымнеиӡеит,
днаскьаны дгыланы ҿиҭит. Ибжьы инақәырццакны дхысит.
Ажәа ииҳәазгьы ахымҩас иаҩызан, иҭирҟьаз ахызаҵәгьы
ԥсҭыхгахеит. Ауаҩ ҭынч, аҽыԥхьак, ашьац змырҟьыцуаз,
кәтык зымшьыцыз ҳәала, нас бара!
Иџьабшьаша, аусеиҿкааҩ ихшыҩ азымцаӡеит, дазым
хәыцӡеит, мамзаргьы агәхьаа имкӡеит. Ибзиоуп, Баӡ излеиҳәаз
ала, аџьармыкьаҿы аӡәы дааидгылан, атапанча уҭахума ҳәа
днаиазҵаан иирхәҳазааит, уажәы дибаргьы дизымдыруазааит
дызусҭоу. Ианааихәазгьы, рыжәла адунеихаан иахымҵуа
ахьымӡӷ анахыла ашьҭахь акәзааит. Аха аҽнышьыбжьон,
ааԥынраз, аԥхын мшы еиԥшха, ианԥхарраз, сарочка заҵәла
деилаҳәаны, амаҟаҵәҟьа зыҵдамыз аиқәа анишьаз, иабаҟаз,
иҵәахны иабаимаз атапанча? Абас акакала еиҿыршәшәаны
сазхәыцуа сҿыласхан, агәра згеит, атапанча шимамыз Баӡ.
Имамызт акрыфарҭа дандәылҟьаз. «Баӡ Аруҭан данишьыз
аҽны адәқьан аԥхьа уара уда иҵегьы игылақәадаз?» –
ҳәа снаиазҵааит саб. Ибдыруеит баби иареи еишьцәак
реиԥш ишеибабо, убри аҟынтә, ари аус иаадҳәалоу зегьы
игәалашәоит. Аҽны уаҟа игылақәаз ҳәа, аӡәаӡәала рыхьӡқәа
ансеиҳәа, иршәыз ирхаз ҳәа саниазҵаа, ицәаԥҽыгоу жәак
иасҳәазшәа, дгәааны дсыҵаҟьеит.
– Иуаҳахьоума акәты ашьыга ашьаԥхыц иҵнахуеит ҳәа?!
– дызласымбаӡацыз ала, иблақәа ҵархәны днасыхәаԥшит. –
Ухы иазеицәоу аамышьҭахь, даҽакы уимырҟаҵо, ушԥеишеи,
уара, анасыԥда, узшаз!– зегь реиҳа сгәы иалсыз «анасыԥда»
ҳәа ииҳәаз ажәоуп, аха сгәы иалымсызшәа ҟаҵаны, иаа
сычҳан, лаф хәыҷыкгьы наҵасҵан:
– Акәты иахароузеи, иазымдырӡо, изгаша ахәшә ад
гьыл иҵарҵахьазҭгьы, – сҳәеит сҽырҟәышны. Сыгәгьы сын
ҭахәыцит. «Ҳаӷацәа ргәы ԥаҳжәаларц анаҳҭаху, ҳхала ацә
гьара ҳхы иазаҳаулап. Ацәгьара сара изызуп ҳәа акәын, ҳаи,
аҟаҵаха шԥасаимраӡеи, ихала ихы ишԥазиуи ҳәа иԥсахы
ԥыжәжәо даанхоит». Ҳаицәзырӡыз еилысымкаакәа гәҭынчра
сауам, исыхьыз аҵкыс еицәоу исыхьуа здыруазаргьы. Изури,
иумыртҟәацкәа, агьежьра изаҟәыҵраҳа адгьыл, ари аус
артытра, азхәыцра иаҟәыҵраны иҟаӡам, исхагылоу акәым
пыл. Сыбзиабараҿы мацара акәызҭгьы, изулак исҟажарын.
Аҵкыс еицәоуп ацәымӷраҿгьы.
Аԥсара уқәҵышьа шыҟалаз удыруеит, Алиас. Ҵәахышьа
амамызт. Алхас имашьына ахьыбӷалаз уара ишухароу ақыҭауаа ирылаҩхьеит. Уааит араҟа. Иҭынчӡа, икәаԥӡа, уахьалымԥсааша ҭыԥк уԥшааит. Ахыҵакырҭагьы умоуп. Изуҭахузеи
узҿқәоу, изуҭахузеи иузеицәоу? Иузеицәоу анысҳәа, раԥхьа
игылоуп Дамшә. Абзиара сзаазго, ацәгьара сзызуа... Бзиара –
ҳәа акыр сзаанагама, Адица, бара бышҟа исымоу абзиабара?
Исылшозар ббоит, ацәыбналара, схаршҭра. Еиҿырԥшышьас
ирымоузеи бҳәашт, аха, убри, бара бышҟа гәыҵхас исымоу
иаҩызахеит Дамшә ашҟа исымоу агәыбылрагьы. Аҩбагьы
цәгьамзар бзиара сзаарымгац. Аха аҩбагьы сынарцәымҩа
инықәызгало исыдхалеит.
Сзықәтәаз амахә раԥхьаӡа Дамшә ианаҿаҟәаз...
Ишбасҳәаз еиԥш, Самсон Григорич азауад ашҭа дшаа
ҭнабаалак, абгыӡ афҩы аҿасызшәа, аӷыӷра, ашра иала-
гон. Саргьы сшынаихәаԥшлак, сыбла даахгылон Маҵкәа,
ашәеиқәаҵәа аҵкыс игәыҭшьаагаха, акасыш лхаҵаны. Ҳидызцалазеи бҳәарауеи. Ашьа ицаша ада иалагылом. Сҿы
иҭагыломызт схаԥыцқәа, уаҳа акгьы. Амаҭ зыршьуа абз
азыҳәаноуп. Ирҳәоит, амаҭ ашҳам хәшәуп ҳәа. Аха ашҳам
даҽаӡәы ихәап, аԥсы ҭазааит ҳәа дхәыцны, иара ицҳар, ахы
мырҷаҷакәа дарбан аԥсаратәу иаанзыжьхьоу! Иџьабшьаша,
схаԥыцқәа лабыҵә ҩак аҟарагьы иӷәӷәамызшәоуп ишныҵышәшәаз. Иахьбасҳәогьы ԥхасшьоит, аха иаҳагьы еиӷьуп.
Дахькасыжьыз иашаны иҟасҵеит, ишьа изымуит, даԥсамызт
бҳәалап. Баша сазгәаауеит, акгьы ахарагәышьамызт Дамшә
раԥхьаӡа Самсон Григорич данаӷрасыз. Аҽеикәарҳә итәаны
ицәан. Днавсуаны, ахы ианааҩаха, убас амгәацәа дҭасит,
азныказ абжьы азҭымкааит, нас иҵәааит. Слымҳақәа скит.
Ишьӡарауаз убри аҽны.
Ҩажәак еихысҳәаалоит. Дамшә исызнауқәахьоу саназхәыцлак, иаасгәалашәоит Гәдиса иажәабжьқәа даҽакы. Ихымхәыцкәа, агәнаҳа иҟарҵаз иахырҟьаны, Нани Дади џьанаҭ баҳча иҭицеит, иҳәеит, изшаз. Ԥхӡашала, џьамыӷәала,
иааурыхлааит уҿаҵахәы ҳәа ахаҵа диқәшәиит. Ашәиԥхьыӡ
лыгимырхеит, ахаҵа дхызхыз аԥҳәысгьы. Хьаацәгьала
ибоулааит ахшара иҳәеит. Убриаахыс ауаҩы изыҳәан инеицылеит аԥхӡашеи ахьаацәгьеи. Даниуа – ахьаацәгьа, адәы
дықәзарц азыҳәан – аџьамыӷәа. Абри аҟны еиԥшуп ауаҩи
аиашеи. Адунеи зегьы еицырзеиԥшу иаша дуӡӡак акәым,
аӡәызаҵәык дзакәыҵәҟьаз аиаша ааԥшырц азыҳәан, сара
схаԥыцқәак ныҵҟьҟьар акәхеит. Нани Дади џьанаҭ ианҭицоз дышрықәшәиз еиԥш, саргьы Аԥсара санықәҵуаз
исыцын, сан лнапала акаҵкәыр инҭалыртәан, исыманы сааит
шәиԥхьыӡк. Иаазгеит ахы шьышьуа, агәы шьышьуа. Зыҟны
сыҟоу аԥшәмаԥҳәыс илҳәан еиԥш, сыԥсы иарҭаҵәҟьандаз!
Уиаҟара зысҳәарызеи!
Ишбасҳәаз еиԥш, Фриц (Самсон Григорич) раԥхьаӡа
данӷыӷнагаз, абна аазго «американски студебеккер» дақәтәан. Хәыҷы-хәыҷла маҵурала деиҳахон. Зны абнаԥҟаҩцәа
дрыман бригадирс, ашьҭахь «снабженецс» дҟарҵеит азауад зегьы азыҳәан. Уи маҵурала деиҳахацыԥхьаӡа сара
сгәаҵаҿы иаҳа-иаҳа иазҳауан ацәшәагәыҭҟьара-гәыблра,
аха Дамшә агәаҵаҿы иазҳауан даҽакы – нышәашьа змам
агәаӷ-цәымӷра, иаҳагьы ицәымшәара. Аплан анынаҳагӡалак,
апремиа анҳауа, раԥхьаӡа ихьӡ ҳәаны, адиреқтор зҿаԥхьа
дхырхәоз Самсон Григорич иакәын. Ҳазегьы иаҳуалԥшьаны
иҳаԥхьаӡон, апремиа шааҳаулак, Самсон Григорич, ҳаԥсы
знапы иаку Самсон Григорич, «всемогушьчи» Самсон Григорич
кониакк, ма «Московскаиа» изықәыргылара. Аха схаԥыцқәа
аныҵирҟьҟьаз аҽны, апремиа ахьҳауз азыҳәан иҟасҵаз
«макарич» столмызт ҳазхатәаз.
Хырқьиара ицаз, ҽадаиала дааргеит ҳәа, аинышәара
иазкыз астол ҳнахыргеит, ахҟа зыбжьоу ҳнарҩызаха. Саб
иҳәан еиԥш, усгьы схы саӷаны Анцәа сишеит. Синышәарц
сшаҿыз... Аинышәара сҳәеит, ибамҳәаӡакәа аиӷарара иҳабжьалаз зыхҟьаз, ишыҟалаз.
Зны-зынла ишыҟаиҵалоз еиԥш, ҽнак, ақыдқәа анааига,
ихынҳәны аԥсҭаҟа амашьына анцоз даццеит Самсон Григорич. Ауха уаҟа, аԥсҭаҿы дыҟан. Дзацәажәаз, дышрацәажәаз, ириҭаз, ирымихыз, дара, иеиԥш зеиԥшу рҳәашьа,
«обшьчии иазык» шиԥшааз, сара сусс иалоузеи! Адырҩаҽны
данаауаз, дызлацаз амашьына ду азнаҵәҟьа ақәҵаны
иааигеит... Иааигеит, Адица, аха изакә бноузеи иааигаз!
Аԥсҭаҿынтә иаарго, зыхрагьы азин ҳамоу ашә-ҵлақәа роуп.
Ари убасеиԥш иҟаз аа-ҵлақәак ҳәа ааигеит, имфа имжә
сахәаԥшландаз уҳәап. Апартком амаӡаныҟәгаҩ, ԥсшьара
даныҟаз иақәиршәеит акәымзар, уи дыҟаны иааигазҭгьы,
убасеиԥш қҭык ҟаиҵарын, уаҳа азауад ашҭа дҭармыжьло.
Ианааигаз аҽныҵәҟьа ихыр акәын, мамзар, иара иҳәан
еиԥш, џьара «клиаузникк» ибар ҟалон. Хԥа-хԥа метр инаӡон
ақыдқәа. Акрановшьчик илымҳа дынҭахәыҭхәыҭын, иаарласны инақәихит. Ацех иҵаргалеит. Сара исымбаӡошәа,
ҿымҭ, сҽырҭынч, сҭыԥ аҿы стәоуп. Иаасгәалашәақәо нанысҵоит абри, бара бзыҳәан изыҩуа, атетрад.
Ашәарыцаҩ бзиа сиеиԥшуп. Стәоуп амҩа кны.
– Аҩбатәи асменаҿы ҳаангылозаргьы, иузаҳхуеит, –
рҳәеит ахьархь иадгылақәаз. Ишбасҳәаз еиԥш, ахьархь
ианаҿыҵлак, амаҟа ҟьаҟьа инықәҳауеит. Уи анапы ианҵаны,
сара сахьтәоу, ацех ашәаҿы иаанагоит. Аура сшәоит ӷәык.
Егьырҭ, уинахыс аметр нықәҵаны, шаҟа сантиметр икьакьоу
аагәаҭаны, ақьаад инанысҵоит. Ауреи аҟьаҟьареи анааи
хушьалалак, иалҵуа ала иудыруеит шаҟа кубометр ыҟоу.
Ахьархь инаҿарҵеит аа-қды. Аҟәартәрақәа нхарҟәало
иааныскылеит амҿтәы сантиметр. Сусуга қьаад ахаҿы
инанысҵеит «Красное дерево» ҳәа. Аганвых насывсит.
Исымбазшәа ҟасҵеит. Амаҟа иаманы аҿаанахеит иҟаԥшьӡа,
иуҿаԥха-уҿаччо аӷәыҵәҟьа. Ажәпашьала харантәгьы из
дырит, «пиатидесиаткан». Саԥхьа ианниасуаз, сметр нақәсыр
шәын, шаҟа сантиметр иҟьаҟьоу аагәаҭаны инанысҵан,
сцәыҵыԥшны иара, «ҳзауад аԥсҟы зкыз» иахь саанаԥшит
сгәеимҭаӡоишь ҳәа. Ахьархь иадгылаз аӡәы днаидыххылан,
сара ихы сықәкны, илымҳа дынҭахәыҭхәыҭит. Даасыхәаԥшит Самсон Григорич.
– Иҟауҵозеи, Алиаа-сик?! – иҳәан, сара сышҟа иҿааихеит.
Усоуп араҟа ишсыԥхьо – «Алиасик». Ихәда ԥсылара иҭыҵны
ибжьы ахьаауаз амҩа алхра азыцәгьазар акәхарын, иан
ԥыҵәҵәа-ԥыҵәҵәалак, «ҟыр-ҟыр-ҟыр» ҳәа алаҳәа аҟырра
угәаланаршәон. Хәаџьа Шьардын иџьмақәа еимҵәаны иры
ма иандәықәла, иаргьы акы мҵарсны деихеит. Усгьы иԥиҟеит,
ихуеит, иҭиуеит, шьапык ԥуҟар уҭаркуа аҟынӡа, азакәан
иахьчо, аа-ҵла. Изԥирҟаз, изақәызҵаз, изаазгаз, изызхуа
уҳәа, арысҟаҩык амҳаҵәқәа ахьырҿишьуа, сара сзеицәада.
Саргьы сҿы амҳаҵә анымаало иҟоума. Ухы уаӷоуп имҳәои
сзыхшаз саб, схы саӷазар ибап.
Снапала исырбеит Самсон Григорич, исшәоит, ақьаад
ианысҵоит ҳәа.
– Ани, думдыруеи ани, апарторг? – сҳәан, азауад анап
хгаҩцәа ахьтәоу акорпус ахь снапы насырххеит. – Ақьаад
инанҵаны исҭоит, «красное дерево» кубометрла... – убас
ҟаноуп ианигәалашәаз, саргьы амҳаҵә шысҿышьтәыз.
− Ушԥасхашҭи, – иҳәан, ихы днасит, сиҵәуозшәа. Санԥслак симҵәуар, иаҳагьы еиӷьасшьоит, амала сыԥсы шҭоу,
сылақәа шааԥшуа, сихамышҭааит. Имгәацәа инапы ахьшьуа,
даасыдгылеит. Иҟалашоуп акәымзар, данаасыдгыла, ашә
асыркырауаз Дамшә зҭатәаз алаҭра.
– Сара акгьы суԥырхагам, Самсон Григорич. Инанҵаны,
апарторг инаисҭоит, нас иареи уареи шәеицәажәа, – сҳәеит
сҽырмашьцаны.
– Али-аа-сик-к! Уара ҳа-ҳа-ра уаҳтәуп, ууаҩы бзиоуп.
Уаԥхьаҟа азыҳәангьы ҳгәы иҭа-ҭақәоу ыҟ-ҟоуп. Адиреқтори
сареи ҳшеи-зыҟ-ҟоу удыруеит, ибзиара аҟнытә, их-хаҟара
пату сықәи-қәиҵоит, – иҿы акуа, рхала иԥыҵәҵәон ажәақәа,
ихәдаҿы далақьк ҭагыланы иԥнаҟозшәа. «Ҳаи, шәанаџьалбеит, алаҳәа аҟырра ишԥеиԥшҵәҟьоу ибжьы!» – Зны-зынла
иуҳәақәо наҟ уааҟәыҵыр, абригадирра, азавскладра зҳәаз
иеиԥш, адолиа бзиа ахьуоуша уаҩ дазхәыцып.
– Сара сахьыҟоу сызхоит, – сҳәеит, уиала сузхыхуам ҳәа
аанаго. Изеилымкаауа дыҟамызт.
– П-по-нимаешь, Ал-иас-ик! Аҟәа уаҩ дук изыҳәан исҭа
хуп. – Иҵегьы иҽынасзааигәаитәит. Аҩфҩы иҿҟьон. Иаҳа
гьы сгәы ԥнажәеит. Иара далаԥшны ииҭаху ижәуеит, сара...
Инапы дааҩахеит, Анцәа димҵаныҳәозшәа. Цқьа еилыскаарц
дсыхәаԥшуа, – двухетажни аҩны далгеит иргыланы. Уи
акыр зылшо уаҩуп. Араҟа, апенсионерцәа рҭыԥаҿы уан
банӡатәоу...
– Сара, Самсон Григорич, иуасымҳәеи, ақьаад инанҵаны
апарторг исҭоит. Уии уареи «обшьчи иазык» шәыԥшаа.
– Ҳаи, абнаршәыра ушылҵыз ушԥанхеи! Аибашьраан
«иазык» аагара иаҳа имариан, ҳпарторг иҟны «обшьчииазык»
аԥшаара аҵкыс. Настоиашьчи клиаузник. Уара, Ал-иас-ик,
ауаҩразы... – иџьыба инапы нҭаиршьшьит. Игылашьа убас
иҟан, адунеи аԥшәма иара иакәны, сара сшышкамсушәа.
Иккаӡа иеилыскааит убри аамҭазы: «исҿишьуа амҳаҵәгьы»
шысҭахым, сгәы иалазгьы зынӡаск уи шакәмыз. Сланарҟәуа
ны исыԥхьаӡеит сахьгәеимҭаз, уаҩыс сахьимшьаз. Сара,
реиҳа игәоумҭаӡо, зегьы среицәаха саԥгылап умҩа. Усмыҳәар
ада ԥсыхәа умамкәа уҭасыргылап. Уажәшьҭа, уаанӡа данназга, исҭахыз акызаҵәык акәын – ииҭаху ҟаиҵааит, сара
рыцҳа сакәым, Абрыскьыл мчык аҿаԥхьа ихьамҵуа, адыр
ганҵыхәа хәыҷӡа аиааира илымшеит. Сара соума адунеи
еиҟаразтәуа, сара исылшо акызаҵәыкоуп, схы аиқәыр
хара. Саӷагәышьазааит схы. Аха схы-сгәы ахымшәааит.
Сиԥырҵыроуп сыԥсы сыманы. Абас сгәы инҭасҳәан, иџьыба
инҭаиршьшьыз инапы снамҵасит, уаҟа иҭагәаны иааныскыларц, аха уи сара сымч абақәхоз. Еидгәаланы ԥарақәак
ааҭигеит. Абар, сџьыба инҭаиҵоит, саргьы акгьы сылшом.
Исыздыруам, Адица, иҟалаз... Ҳанеиндыршәоз:
– Акгьы ахараӡам Дамшә. Уара ҿуҭит: «Дамшә, возьми!»
ҳәа, ҿуҭит акәым, уҵәааит, – рҳәеит изаҳауаз аҩызцәа.
Аԥхыӡ салоушәа исгәалашәоит, ииашаҵәҟьаны бжьык
саҳаит, аха агәра ганы сыҟаӡам, сара сыбжьы шакәыҵәҟьоу.
«Дамшә! Дамшә, усыцхраа!»
Сҵааҟәрылозшәа...
Изласгәалашәо ала, аӡәгьы имбартә, арахь уааскьа ҳәа
Самсон Григорич снаигәыдиҳәҳәалашәа, аԥарақәа зкыз
инапы сџьыба ианынҭаиршьшьуаз аамҭазы, иара ахьҭатәаз, алаҭра ашҟа ҳнаскьеибагоу, мамзаргьы адаҷ ауцәаны
иҿаҳәазу, Дамшә ҩыҵыҩрын, ишьҭахьҟала инаигәыдԥалан,
имашьхәылҵ ацқәа ҩаланаршьшьит.
– Дамшә! Дамшә! Держи! – ҳәа сыҳәҳәазаап. Уажәааигәа
аусеилкаарахь (ишыббо, ҳара ҳус аилкаара сшашьҭаз, схаҭа аусӡбарахь исыԥхьо, аусеилкааҩ сҭиҵаауа саақәхеит)
исыԥхьаны, схынҳәны санааи, усуҩык, алаф аҵаҵаны, ус
ҿааиҭит:
– Уи зегьы бзиоуп, аха Дамшә ахаԥыцқәа Григорич
имашьхәылҵ ианаланарҟаца, доушьҭ ҳәа акәымкәа, держи
ҳәа зҿуҭызеи?
– Дшәеит азыҳәан. Дамшә иакыз ицнапык акәын, егьи
инапы аҿыларханы, ихәламшәа ааикызҭгьы, иԥсы хәыҷы
наихиршәон, – амца наҵаиҵеит иҩыза. Уик зынӡа икьатеиах
ԥҵәо дыччон. Дара изырымҳәозеи. Аҵла иалыҩрыз, амаҭ ицҳаит хәа, Аԥсара иҟасҵахьаз, исыхьхьаз сзымхозшәа, араҟагьы аӡыблара сҩалаҳаит, иаапкны, Алышькьынтыр иаго
ббааит Дамшә.
Дыргеит ахәышәтәырҭахь. Инапы ҿарҳәеит. Агәырқәа
иларҵеит. Адырҩаҽны шаанӡа снеит азауад аҿы. Иҟасҵара
сзымдыруа, сгьежьыхынҳәуа сгылан. Аусура амш иналагоны,
иааит ацех аҩныҵҟа аус зуа ҩыџьа аусуцәа. Ҟәрышьқәак ансымоу уарашк рзықәсмыргылацзар, уаҳа бзиара рзызымуц,
ҵаны, цәгьаракгьы рыҵасымгалац. Аҩыџьагьы насыдтәалан,
сацәажәара иалагеит:
− Алиас, иаха ҳаҟан Самсон Григорич иҩны.
− Дышԥаҟоу игәабзиара? Иахантәарак смыцәаӡеит. Иаапкыша Дамшә, абз шҳамума, ишьа бжьнахма?..
− Дамшә аӡбахә уаҳа иуҿоумыршәан. Ҳиҳәеит уара
узыҳәан Самсон Григорич.
− Сара сзыҳәан шәышԥаиҳәеи, сара акгьы сҭахӡам, –
сҳәеит, изиҳәаз сзеилымкаазт.
− Уԥшы, акгьы иҭахӡам. Ахақәиҭра угәы ахшәама, арԥыс?!
Ушьапы уақәиҭны, иахьуҭаху уцо-уаауа, адәы уахьықәу угәы
ахшәазар, иуҳәар уажәраанӡагьы... Ҳа-ҳа-ҳа!
− Уара, Алиас, абахҭа ушьапы шҭаургылаз уаҳа иумбаӡои?!
− Иҟасҵазеи цәгьарас, абахҭа сҭаркыртә? Аԥсара саныҟаз

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 09
- Büleklär
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3316Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23490.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3340Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23520.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3345Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22500.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3328Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23160.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3385Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23440.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3340Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23060.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3345Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23680.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3324Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22900.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3285Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22810.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3325Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23080.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3339Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23130.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 12Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3318Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23480.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 13Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3280Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22850.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 14Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3350Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23100.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 15Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3316Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23530.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 16Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3308Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23510.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 17Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3323Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23690.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 18Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3363Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23490.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 19Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3351Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23420.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 20Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3304Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24120.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 21Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3400Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23980.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 22Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3355Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23280.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 23Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3464Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23090.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 24Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 4490Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19500.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 25Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 4507Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19470.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 26Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 4637Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19040.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 27Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3881Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20040.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 28Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3326Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22410.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 29Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3292Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22410.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 30Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3355Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22270.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 31Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3411Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22570.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 32Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3351Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23220.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 33Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3328Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23310.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 34Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3423Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23260.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 35Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3404Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23000.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 36Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 813Unikal süzlärneñ gomumi sanı 6270.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.