LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 07
Süzlärneñ gomumi sanı 3345
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2368
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
илыԥсахыз. Сылнаԥхеит саргьы. Скәаҳаны днасхысны дцеит.
Иарбану сара сзылцәыԥхашьара. Аиаша ҟалҵеит Адица. Сара бсаным, сыбла бҽабмырбан ҳәа лалҳәеит. Уажәраанӡагьы
сҽыԥхьакны сышԥагылеи. Лымҩа саԥгылан. Ажәак аалҳәар,
сгәаҵа иааҭоу зегьы аҿаасырхап. Абас сгәы сынҭахәыцуа,
сгылан сыԥшуан анышәынҭрахь, кәашарҭа ҭыԥк еиԥш иԥхьаӡауа. Сыгра аусымдырхуа. Ԥхашьараха ианаасыслак, сыб
жьы насыхәлашәоит, ӡышьшьырак сынҵаакәкәала сагоит.
Аха знык иара аҵкыс саниааи, иреицәоу ацәгьацәыԥхамшьа
сиҩызахоит. Убас сҟалароуп уажәы.
Дсывсны ада цашьа лымаӡам. Исуалуп, исыхәҭоуп. Адицеи
сареи ҳзыҳәан мацара акәӡам. Аԥсараа зегьы иаҳуалуп Аԥҭа инышәынҭра ахьчара. Ҳара ҳзыҳәан иԥшьоу ҭыԥуп. Ҳарҵаҩцәа ҳаԥхьа иргыланы, ашкол аҿынтә ҳааны, шаҟантә игәы
ашәҭқәа ықәаҳҵахьоузеи! Аруҭан дахьиваржыз азмырхакәа,
уажәы лара, Мсыгәда лхаҭагьы...
Сӡара ҭарс, дымҩахымҵкәа дызсывымсуа лымҩа саԥырагылоуп. Амра ашьхақәа иҩархыкны икыдлахьан. Аӡаӡа
карбаны иалгахьан. Аҳауа иалаӡхьан, адгьыл иахылҵуаз
ахылҩа-ԥсылҩа.
Анышәынҭра иакәыршаз аихатә гәараанда агәашә ҿан.
Дынҭыҵит. Аӡәыр ааигәара днеиуазшәа, абарқәам нҿал
ҵан, ацаԥха налыркит. Иласҳәақәаша... Сымцәажәар иаҳа
еиӷьзар? Исымҵәахып сыблақәа. Дырхыԥшылааит. Ир
хылбаалап дзыԥсоу – ацәымӷра, ахәамгашьара. Сгылан,
сгылашьала илырдыруа – Аԥсара дықәызцаз среиуоуп
саргьы. Данынасывсуа слықәыжьцәап. Дааиуан лыҵкы
еиқәаҵәа шьҭассы, лхы рҟәны. Сааигәара дааиаанӡа сгәалымҭаӡеит. Лхы дааҩахан, днасҿаԥшит. Иаасыӡбаз зегьы
нхыбгалеит. Саҭабымҵан, Адица, сыԥсықәара, бгәы ишалсуа здыруеит, убри лакәын сыздумкылацыз бҳәашт, аха
ишԥазури... Сара сыбла иаахгылеит, снархыԥшылеит... ба
ра быблақәа. Бара бакәын саԥхьа игылаз, бара бакәын
исыхәаԥшуаз. Уажәы, абарҭ ажәақәа аныбзызыҩуа, цқьа
сазхәыцны исгәаласыршәоит. Усшәақәа избазар? Мап. Иҭ
баа-ҭбааӡа, ианухәаԥшуа иҭышеи-шеиаауа, рҵыхәақәа
рҿы рҽааидхало, агызмалреи аҳалалреи рхыҳәҳәыла, зны
рҽуцәырӡарц рҭахушәа, рҽыҵәахуа, нас аԥҭа иацәцаз амреиԥш еиҭаацәырҵуа, уажәы избама быблақәа. Урҭ ракәын
исыхәаԥшуаз. Иахьырҳәогьы смаҳац, ани ԥҳаи ракәым,
еициз аиҳәшьцәагьы убас рыблақәа еиԥшны. Мсыгәдеи
бареи шәеидкыланы шәыӡбахә алацәажәара... Еидкылашьас
ирымоузеи аџьныши амаалықьи. Аха, Адица, саазқәылаз
даҽакалагьы ахәыцра салагеит. Иҟазар акәхарын аамҭак,
аџьныш зегьрыла даныџьнышыз, амаалықь зегьрыла данԥсыцқьаз. Амҩа хара иахьынӡақәыз... Зны дмаалықьны
иҽыҟаимҵар, адыд-мацәыс дашьуан аџьныш, амаалықыгьы
зны дыџьнышымхар, иҵаԥҵәон аҵларкәыкә иаҿаҟәаз ацҳа.
Уажәы, Адица анышәынҭраҿы данызбаз аахыс шықәсык
егьаагымхо ианҵы, исзымдырқәоз акыр анеилыскаақәа,
сахьхәны сыҟоуп, усҟан лакҭа хаак дахьҭасмырԥшыз. Сыбла
даахгылоит: деиқәара-еиҵараха, ашьшьыҳәа саԥхьа дниасит. Лныҟәашәа убас иҟан, игылаз ауаҩы, ашәҭ икызма, ишьҭахь иавакызма аиха, лара лзыҳәан зегьа какәын. Дсывсны
дцоит сҳәоны, дааҭгылеит. Даахьаҳәит. Адица, уи аԥҳәыс
лыблақәа ирхысымбаалеит ахьхәра, илыхьыз, лшьаҿахьымӡӷ азыҳәан аԥхашьара. Иҟаҵатәыз, ԥсыхәа змамыз акы
ҟазҵаз ауаҩы иԥшышьа лыман.
– Ԥҳәыс улыхшазар, – лажәақәа ҭышәынтәаланы, дмыццакыкәа ҿаалҭит, – исанажь, нан...
− Аԥҳәыс слыхшеит, аха сара сзыхшаз... – сажәақәа еилаԥаҭеит. Лара инацылҵеит: − Сыԥҳаи уареи шәеинасыԥхар
сара ишызбоз, Анцәа сибааит. Исыхьыз шәаргьы шәысзацлеит.. Уара иухароуп...
− Ишԥа?! Сара исхараны... – сыԥсы ааины сыхәда икылахеит.
− Усҟангьы иузеилымкааит, уажәгьы иузеилымкаац. Сы
лахьыцәгьара сзымхозшәа... Иухароу шыҟоугьы, насыԥ
бзиа Анцәа иуиҭааит, – ажәҩан днаҵаԥшит, шәыҩны саннеилак ишыҟалҵалоз еиԥш, ухаҵкы-уԥсаҵкы ҳәа лнапы
аалыргьежьын, лхы днас-насит. Амашьынахь лҿыналхеит.
Аҳкәажәк лымаҵ иуазшәа дхырхәа-хырхәо, ашә налзааиртит
аҭаҳмада ԥаҵа-кьатрацә. Ашьҭыбжь ныҵабеит, ицеит ақыҭа
мҩа ианыршәланы амашьына, сара сахьгылаз, иахьаанага
сзымдырӡо, слымҳа инҭаҩит исабҳәалоз ажәак – аегоист.
Азхәыцра сналагеит раԥхьаӡа иансабҳәаз.
– Уара уда даҽаӡәы даасыхәаԥшыр,иаразнак уеилашәоит.
Уи иаанагозеи? Уегоиступ.
− Дызбыхәаԥшрызеи?!
− Дсыхәаԥшыр... Сиццар?
− Бзиа дбаны биццар, иҟасҵарызеи, саргьы даҽаӡәы
даазгап, аха мчыла банига...
− Мчыла аӡәгьы сизгом.
− Бзимгозеи! Ажәытәан ауапа шәныларҳәон, аҽыхәда
шәнықәыркуан. Уажәы иаҳагьы имариахеит. Амашьына
шәынҭадыртәоит, шәаалгеит. Уахыкоуп, нас уаҟа шәаанхоит.
− Уахык акәым, шықәсык сыҩнакны симазаргьы, исҭахым
иҿы саангылом.
− Иббома ибҳәаз?! Бхала бшьапы ашьацҳәа иаҿабыр
шәит. Бара биегоисткаӡами? Бзиа бибозар иара, игәы ибмырхьырц азыҳәан, бхы бхаршҭны...
Усҟан, Адица, бареи сареи ҳааԥын иахьымкьысцызт аҵаа
хьшәашәа. Агәра ганы сыҟан, сара бшызбо еиԥшҵәҟьа,
баргьы убас быҟоуп ҳәа сара сзы. Уи иаанагозеи? Баргьы,
сара сеиԥш, ибцәыӡхьан ахақәиҭра. Бахьынӡаздыруаз... Анцәа иумҳәан ииашахо сан лажәақәа: «Уаҳа дзеиԥшрахоз
Мсыгәда лыԥҳа!» Ибҳәақәози, иҟабҵази...
Ибҳәақәози ашьҭахь иҟабҵази еидкыланы сышрыз
хәыцуаз, даасгәалашәеит ҳқыҭаҿы Ахеивҟьа ҳәа хьыӡшьа
рас изырҭаз ақьачақь.
Аԥсара санықәҵуаз, ибасымҳәеи, сарҭмаҟ сызқәа икыдҵа,
акаҵкәыр иҭартәаны Дамшә, ҳқыҭа агәахьы скылсит. Аусҳәарҭа ашҭаҿы быргцәақәак, ҿарацәақәак тәоуп, алаф
рҳәоит, иччоит ихәмаруеит. Абасҟак изыргәырӷьозеи ҳәа
рааигәа снеизар, Ахеивҟьа рыгәҭа дгылоуп. Днапырхаха
шьапырхахоит. Зны ажәҩан ахь ирԥшуеит зегьы, даҽазны
шәеихырхәала ҳәа реиҳәарц иҭахушәа, инахәаирԥшуеит
изықәтәоу, изықәгылоу адгьыл. Иреиҳәо саҳаанӡа, аччаԥшь
насҿықәлеит. Инхара-инҵыра сзымдыруандаз. Нхаҩык ишь
ҭахь дгылаӡам. Иԥсаса, ишьамаҟа... Хык иҭиргьы уаҩԥсҵас
иҽеилеимҳәои, аха, иаҵоу сыздыруам, иреицәоу ананамга
иеиԥш ауп дшеилаҳәоу. Алақәа ицрыхозшәа, акалҭқәа
хьыжәкәыжәуп, иқәыршә-ҵаршәуп, кәрыжәаа ирықәлоу
икәымжәы, ишьаргәацәқәа ашәарҭлеиқәа рыкәыршоуп,
алымҳақәа ҿахыҵәҵәоуп амра иабылхьоу ихҭарԥа. Ихы
ҵуазеи, саб иаҵкысгьы деиҵбуп, арахь аԥсараа зегьы дреи
ҳабушәа, ижакьақәа аушьҭны, ихахәы ихәда иҭассы, дпапу
џьушьап, Гәдиса дааиԥыларгьы, ушԥаҟоу, дад, Гәдиса иҳәоит.
Исхашҭуам зны ииҳәоз: «Ауаҩы иԥшреи-исахьеи ииҳәои
еинаалозароуп». Иԥшра-исахьа ҳәа дызҿыз иҽеилаҳәашьа
акәын. Санаарыдгыла, инапы илахь иаԥыракуа:
– Шәиԥыл, шәиԥыл, шәиеигәырӷьа, даҽа бзамыҟәк
дшәыцлеит, – иҳәеит. Сгәаар еицәастәуан. Исыхирччаз сна
рылаччеит. Иара иажәа инациҵеит. – Адунеи зегьы нарҳәыаарҳәноуп, дадраа, ишыҟоу. Шәарҭ аԥсараагьы, шәыхшыҩқәа
аарҳәноуп шәхы ишҭоу.
– Уара узусҭада, ирыланҵәаз, аԥсаратәӡами? – иныбжьаиршәит аӡәы.
–Умыццакын.Ашьауардыни аҟәараани еиҩызцәашәтәуеит.
Ибзиоуп, саргьы уахь сшәылаз. Зашхәа уҭоу иашәа уҳәароуп.
Аҵх ҳара ҳзыҳәан имшы каҷҷароуп, амш – ҵхы лашьцароуп.
О, сара, сараӡәк, зхы аҭыԥ иқәны иишаз... Уи сҳәаргьы, шәара
шәымацара шәоума, иара, аԥсабара азакәанқәагьы нарҳәыаарҳәноуп ишыҟоу.
Аӡәы исымашәкуама ҳәа дааҳалаԥшит. Имак ухаҵазар,
убас еиԥш иҟоу хьӡыртәрак аҿааирхап, уара уакәым, умаҭацәагьы ирхымҵуа. Ақтиорцәа реиԥш инапқәа ҩышьҭихит:
− О, хыхь иқәтәоу, иаҳхыччаз! Уналбааԥшны абарҭ, иум
ҵатәоу абзамыҟәқәа, исызраҳәа, сара сакәым, дара рхаҭақәа
рхы шеивҟьо, зегьы нарҳәы-аарҳәны ишырбо, ианҵәуатәу
ишыччо, ианыччатәу ишҵәуоу. Цәгьарас иршьо – шыбзиоу,
бзиарас иршьо – шыцәгьоу.
− Иҟаҳҵазеи ҳара гәаҟқәа? Хабжь иаԥхьа хабжь уаҩы
изҳәом.
– Сароу? Сара Анцәа сааишьҭит шәыхшыҩ аҭра иҭа
сыртәарц. Аа, абри уара, – инапы наиқәикит, уԥҵәазар
уеиԥишьуеит ззырҳәо абз зҿоу, хшыҩлагьы аӡәы ишьҭахь
идмыргыло быргк. Абырг ибла аԥыџьгьы мҵысит. Ихы
дақәгәыӷуан, иҵҩа цқьан. – Аԥсараа иҳаиӷьқәоу дреиуоуп
абри, усами?
– Усоуп ишаадыруа...
– Жәаха ҽнак акампаниаҿы ҳантәаз, ҭамадас иҳамаз,
слымҳақәа кыдҵаны сизыӡырҩуан, уара уныҳәаҿа аниклак
ииҳәарызеишь ҳәа. Иажәа иналаиҵеит аџь еиԥш уӷәӷәоуп,
абахәаԥшь уаҩызоуп ҳәа.
– Ииашоуп, ахацәа ӷәӷәақәа усоуп ишырзаҳҳәо...
– Уара утәала уирҽхәеит ус уазҳәаз? Иажәақәа хәшаха
игәы инықәлеит иаргьы. Иԥаҳҟап аџьҵлақәа жәаба. Убри
аҟараҵәҟьа ԥаҳҟап алҵлақәеи ашәқәеи. Иаабап иҭыкка
иҭацәу хыԥхьаӡарала иахьеиҳау. Аџь аҟара зыҩныҵҟа ҭацәу
ҵла ыҟаӡам. Иуеиҳәазҭгьы ашәҵла уеиԥшуп ҳәа, ашьа улаӡам,
узхарамфоуп ҳәа уеиҳәазшәа угәаап. Ашәҵла аԥшшәы убас
иҟоуп.
– Абахәаԥшь? Уи иахьзеи? – Аҵкыс еицәоуп. Абахәаԥшь
уаҩызоуп, шәышықәса убас инаугӡааит иҳәахит. Асаршьҭра иҭысуа, аарла инеиуа аҩарӡы нымҩахганы, абахә ашҟа
аҿылархеи, иарбану иаҳа иӷәӷәоу убап. Убахә рбганы илканажьуеит. Иаҳәишь аԥсаратәык аҩарӡы уаҩызоуп ҳәа, ухы
ԥҽны улкаижьуеит. – Еиҭа инапқәа ажәҩан ахь иҩышьҭихит.
Даҵаԥшуан ԥыҭраамҭак, аӡәы диацәажәозшәа гәаныла. –
О, сара, сараӡәк, аԥсараа снарылкааны, схы аҭыԥ иҭартәаны
сзушазеи?! – Ҳаргьы, аччара иахашәалаз, ԥыҭҩык уахь
ҳшынаԥшуаз, ажәҩан аҵан, ашьхақәа иҩархыкны, ҳалаԥш
нақәшәеит ашьауардын. Ихәыҷӡаны, ҷынҷак иаҟараны ажә
ҩан ҵамҵамра инаҵаӡит. Иаҳцәыӡит шаҳҳәоз, иаҳа-иаҳа иаз
ҳауа, зны ҳәыҳәк иаҟарахо, нас апҟа еиԥшхо, даҽа ԥсаатәк
салашәмырҩашьан аҳәозшәа, ҳхаҿыҵәҟьа иаҳхагьежьит.
ҳаршанхеит, ҳалаԥш адхалеит. Аӷба ус изхыӡсаларым ам
шын, уи шаҟа аҽырҭынч, мыцхәы аҽмырҵысӡо, ишаҵаз иа
раӡәзаҵәык аҳас измаз ажәҩан.
− Ахеивҟьагьы иблақәа аарҳәшәа, ашьауардын дышнахәаԥшыз, дҿаҳахазшәа, ажәак ихәлымшәо даанхеит азнык
азыҳәан, нас аҿааирхеит:
− Шәыԥшы, шәыԥшы, о, шәарҭ, зыхшыҩ аарҳәны иҭоу аԥ
сараа! Шәаҵашьыцуеит, шәыхшыҩ мҵанарсит, шәгәы ҭна
геит ашьауардын?
− Иашоуп!
− Узҵамшьыцшоума, аԥрышьа, аԥшӡашьа!
− Уаҳа ишԥазышәҳәақәо? – аӡәаӡәала икылкааны днарыхәаԥшит. Аԥсараа зны иара иахь инхьаԥшуан, даҽазны
инаҵаԥшуан иӡса-ӡсо ажәҩан иаҵаз аԥсаатә. – Аҽхәаԥхьыӡ
агшәырхом, ус акәӡами?
− Ииашоуп. Сара, иаҳҳәап, ашьауардын абла ухоуп ҳәа
соуҳәар, сгәы иахәоит.
− Сара саҟара сыцлоит ашьауардын ахшыҩ ухшыҩуп ҳәа
соуҳәар.
− Ашьауардын агәы изҭоуп ҳәа ззырҳәаз уаҳа ҽхәаԥхьыӡс
ииҭахузеи!
– Ишәымбои, иаразнак ишеилашәыԥсаз, аҳәаха шәибаҭом.
Ашьауардын абла ухазар... Ибзиами? Иашоуп, ашьауардын
абла ҵаруп. Аха изызкузеи алаԥш? Ажьышара. Ашьа акаҭәа
ра. Ашьхақәа изырхаԥыруазеи? Зыԥсы зыхнахша џьара акы
иашьҭоуп. Сшәазҵаауеит, зыхшыҩ аарҳәны иҭоу аԥсараа,
акәты шәаҩызоуп ҳәа аӡәы ишәеиҳәар шәышԥаҟалои?
Шәҟамақәа ҭышәԥаауеит. «Акәтеиԥш длашәуп, акәтеиԥш
дгаӡоуп, акәтарцынеиԥш дшәыргәындоуп». Иреицәоу цәҳа
гас ишәымоуп. Арахь уԥшыр, акәты ада ԥсыхәа шәымаӡам.
Асас дышәҭаар, иҽҳәарҵәины, иҟаԥшьӡа иӡны акәты на
имҵашәҵоит, акәтаӷь џьны, ма ихырпҟаланы, даҽазны
ижәны ишәфоит. О, сара заҵәык зхы аҭыԥ аҿы иҟоу, изус
ҭцәада сызланагалаз! Шәыҽхәаԥхьыӡ ашьауардын иазкуп.
Ицәаԥҽыгоу ажәақәа – шәныҟәызго акәты. О, шәарҭ, ацәгьа
ибзианы иахцәажәо, абзиа ицәгьаны аӡбахә зҳәо! Шәара
саншәырҽхәо, схы-сгәы ахшәоит, саншәырџьо – саҟара
сыцлоит. Срыцҳашьа, сшамкәа сызшаз, саргьы схы еивҟьа
сызлоу аԥсараа реиԥш! – иччон аԥсараа, срылаччон саргьы.
***
Иахьа уажәраанӡагьы рыччабжь слымҳа иҭаҩуеит. Аԥсара саналхәдаха, Адица, усгьы агәаларшәароуп исзын
хаз. Ҳқыҭа сшазхәыцуа, Ахеивҟьа ииҳәоз алафқәа анаа
сгәалашәалак, зны сарччоит, аха даҽазныхгьы сархәыцлоит.
Шәеилкаарақәа, шәеиҿырԥшрақәа нарҳәы-аарҳәуп иҳәоит,
аха, издыруада, ҳхы-ҳгәаҿы урҭқәа мацара ракәымзар
инарҳәы-аарҳәу? Дара, аԥсараа аӡәырҩы, зыԥсы ҭоугьы,
иԥсхьоугьы, излаадыруа акәӡамкәа, зынӡаск даҽа џьоукы
ракәзар? Изхиҳәаазеи ахьча-ҭаҳмада Гәдиса, ҽнак, Аԥҭа
иҭахашьа шыҟалаз шсеиҳәоз, иныҵакны инациҵаз? «Аиа
шаҵәҟьа ҳҳәар иабаҳахәо, дҭахеит, дфырхаҵоуп, ус иҟаз
ихьӡ-иԥша». Хара ҳазцарызеи, инцәастәуаз бара? Бара
бхаҭа, Адица? Дасу инцәа, ихаҭа дишоит. Бынцәасымтәыкәа,
бшыҟаҵәҟьаз сбыхәаԥшуазҭгьы... Исҳәап, исымҳәап ҳәа
алак-ҩакра саналагалак, ус сгәы сынҭахәыцуеит.. Сажәақәа
усгьы акгьы рылшом, ихәаҽуа изысҵәахрызеи! Сыбзиабара
азыҳәан исҳәо ажәақәа... Абри аҿы ииашаҵәҟьаны се
гоиступ. Исҳәоит сгәы иааҭоу зегьы, уинахыс иаҭахызар...
Иаҭахызар нцәа дсымамкәангьы сықәхааит адәы.
***
Сара дызбарц сҭахуп убри, дарбану ахаҳә аашьҭыхны
Мсыгәда лгәыдҵара згәаӷьуа? Ахшгьы еиқәаҵәак хшәалозар,
дарбану зыламыс шәытакгьы амаӡамкәа зымҩа ианысны
ицаз амҩасҩы?
Ҽнак, Аԥсара сықәҵаанӡа, агараж аҿы аусура ашьҭахь,
ԥаҭлыкақәак адәқьанаҿынтә иааҳган, хыжәлақәакгьы ҳаԥшаан, ҳтәоуп, ҳцәажәоит, ҳаибаныҳәоит. Бхаҵа, Маџьгана, ус
ҿааиҭит:
– Сшәыҳәоит, даҽазны, сара сахьтәоу, убри лыӡбахә
шәаламцәажәан, – зыӡбахә имаз ианхәа, бара бан лакәын,
– сара сакәым, аҩны иҟоу, лыԥҳагьы илҭахым иахьлаҳауа
уи лыӡбахә анцәырыргалак. Бан блеиԥшуп ҳәа зны иаасҿыҵҟьан, ддәылҵны дцарц акы аалыгымхеит. Быԥшра-бсахьа
азоуп изысҳәаз ҳәа дыргәыбзыӷуа дныскылеит. Уи азыҳәан аҵан ҭыԥҳа дылҩызоуп, аҵан чычиақәа ирыхшаз ҳәа
Анарҭ ианлаҽԥниҳәа, лымгәа аарҟьаны, асаби даалыӷрыхны
дынкалыжьын, дықәҵны дцеит...
– Аԥшра-асахьа акраҵанакуама! – инхьаиршшеит аӡәы. –
Аус злоу, агәаҭоуп, аламысоуп. Ламысла еиԥшымхааит, ԥшрасахьала закәыхи. Аа, сара сгәыла, азганк илахь инҭаҳауа,
ихахәы анааиҩишалак, Гитлер ихы аахҵәа ихагылоуп.
Арахь иара, ауаа ишьы акәым, акәты ахы ахьхырҵәо ибар,
дыбналоит, игәы иазычҳаӡом.
– Убри ауми исҳәо, ларгьы илцәымӷуп, саргьы шаҟаҩы
сдыргәаахьоузеи! Уԥҳәыс лан длеиԥшуп рҳәоит, – еиҭах
зегьы дааҳалаԥшит Маџьгана. Сара ҿысымҭӡеит. Схы ларҟә
ны, ашьшьыҳәа стәан. Уажәы иансгәалашәогьы гәахәараны
сгәаҵа инҭысуеит убасҟан аџьныш-қаҷаа иаҵкыс сахьиааиз.
Ицәгьоуп, Адица, ахаҳә аршәра, агәаӷьра цәгьоуп. Иааҳәны
уара ухы иаахар ҟалоит. Усеиԥш ухьыр, иухаразар, иучҳап.
Илоуҵазоуп иааурыхыз. Иаҳа ихьанҭоу даҽакуп. Ибасҳәап
зыӡбахә сымоу. Акәты ашьыга ашьапхыц иҵнахуеит ҳәа,
сара сакәзар сыбзиабара аԥашәқәа аҵаԥызҟаз? Шәеибазырдырда Маџьганеи бареи? Хымԥада уажәы, бхаҵеи бареи,
ишәгәалашәыршәоит уи шыҟалаз.
Усҟан жәба рҿы ҳтәан. Аурокқәа ҳанрылга ҳаицны ҳаа
уан. Ишыҟаҳҵац, ҳҩызцәа рышьҭахьҟа ҳҽынкыло, ҳхала
ҳааизынхеит. Шьыбжьышьҭахьын. Ишӡынразгьы, амра кацеиуан. Бышәҟәыҭра зны бхы инықәыбкуан, ҽазны иаабывабкуан. Ишкәакәаӡа асаба рықәтәан ҳаимаақәа.
Машьынак абжьы геит ҳашьҭахьҟа. Ҳаахьаԥшит. Ҳқьышәқәа аччаԥшь рықәын, аӡәыр аҳамҭақәа иманы даҳзаауазшәа.
Амашьынақәа ргәыблра сгәаҵан иҿыхахьан усҟангьы. Баша
исҳәазар ҟалап, сыбзиабара сшьапы сықәнамҟьазҭгьы, ашкол исыцҭақәаз џьоукы реиԥш, саргьы ҵара дук сҭалон
ҳәа. Уи иазаауазеи. Санаахьаԥшҵәҟьа издырит Маџьгана
«ипалутарка». Ҳқыҭан усҟан ашоферцәа акосмонавтцәа
абыржәы пату шрықәу еиԥш акәын ишырбоз. Сыҽхәарц
сҭахын бара бҿаԥхьа:
− Сара ибзиаӡаны дыздыруеит ари «палутарка» иақәтәоу.
Ҳаҩны изныкымкәа днеихьеит, имашьына арульгьы зныкҩынтә исиркхьеит, Маџьгана ихьӡуп.
− О, Алиас! – инапы нҭирҳәҳәеит акабина.
− Иббома, шаҟа иааигәаны ҳаибадыруа.
− Шәааи, шәҭатәа, шәызгап.
− Сымацара сыҟам, Маџьгана.
– Дсымбои, анцәахша дуцуп. Дааг, дҭалааит уигьы, – ака
бина ашә ааиртит. Амцабз анабалак, иазнауа азымдырӡо,
иԥырны ишнеиуа еиԥш ахьычԥаԥыр, ашырҳәа акабина быҩҭалан, бнаиватәеит. Саргьы сынҭалеит.
Атама ыфаны даналга, агәаӷь ыршәны инкаиршәит ам
ҩасҩы. Шьапы иамкәаҳацызт агәаӷь ахькашәаз адгьыл.
Аамҭа акыр бжьысит. Ихашҭит амҩасҩы. Имҩа харан, ашықәсқәа хьанҭаха изқәа иқәлахьан. Днеиуеит илаба наиҵарсуа.
Ажәҩан аҵаԥшра ицәыхьанҭоуп. «Амҩасҩы, уаасыхәаԥш,
иреиӷьу шәыруп сымахәҭақәа ирҿоу. Иҿых реиҳа итатоу,
реиҳа иҟаԥшьу, реиҳа ихаау атама». «Умахәҭаҿы сзынаӡом.
Исылшом сыбӷа аиҵыхра». «Иухашҭит, амҩасҩы, сара сызхылҵыз агәаӷь, адгьыл ԥсыла ишылауршәыз. Уааскьа сышҟа».
Атама амахәҭа ашьшьыҳәа изылаҟәит.
Убасҟанҵәҟьа, акабина ҳҭатәаны ҳанцоз, сгәы иҭашәеиҭ,
ҳагәҭа бысмыртәар акәын ҳәа. Имашьхәылҵқәа ааԥшуа,
змаӷрақәа ҿахҵәаз кьаҿк ишәын Маџьгана. Исыздыруам
цас иҟаиҵоу ицәыҟалоу, аха игәасҭеит, инацәкьарақәа аруль
ишакәыршазгьы, знык-ҩынтә бгәыԥҳәы ишахькьысыз имашьхәылҵ. Бцәа бҭаӡыӡан, амцабз быхькьысызшәа, бҟаԥшьхеит.
– Дызусҭада, дзыԥҳада, Алиас, ари аԥҳәызба? – бара
дбыхәаԥшит.
Иасҳәеит. Қәрала еиҳабу ирҳәац, ахәыҷқәа шаҟа ирласны
ирызҳауа, унхьаԥшны уаахьаԥшаанӡа хаҵа ицаша, аҳәса
аазгаша ракәны ишааҟало ҳәа дналаган:
− Иахьеиԥш исгәалашәоит баб Арсана ԥҳәыс данааигаз, – имашьхәылҵ еиҭа бгәыԥҳәы ишахькьысыз анызба, абыржәыҵәҟьа амашьына аанкыл, наҟ ҳҭыҵуеит, уара уламысдоуп ҳәа иасҳәарц аӡбара сналагоны, қәрала
ихыҵуа даналацәажәа, амца исыҵаз маҷк иааихсыӷьит.–
Шәыҩны ашьҭахь, аиҩхаараҿы ахьаҵлақәа иҭагылоу, аӡын
ра аныцәгьахалак, аԥсҭа иҭаланы абнаҳәақәа шаауа, ашәа
рыцаҩцәа зегьы ирдыруеит. Аха Арсана иаԥхьа аӡәгьы
дызнеиуамызт. Уажәы илабақәа кны, аарлаҳәа дныҟәо, ашҭа
дықәуп. Шәарыцара убраҟа снеицыԥхьаӡа даасгәалашәоит,
– бара бахьтәаз бшаҵәы-шаҵәуан. Амца исыцраз инацлеит..
Ҳамҩа иҵегьы шынабжьаз, амашьына уахь ахы шхазгьы, исым
узт, ҳҭыҵит. Арҭқәа зегьы акакала ибгәаламшәозаргьы, ҳәарада,
акабина банынҭыҵуаз ииҳәаз ажәақәа бхашҭрымызт:
− Бара насыԥс бзауз ахаҵа, иԥсы шҭоу џьанаҭ дцеит.
Ахаҳә шьҭысԥаарц снаԥшы-ааԥшит. Ииҳәашаз иҳәахьан,
бгәаҵа иҭашәахьан. Сара сыԥшышьа шыҟаз аныбба:
− Уара уегоиступ, – бҳәеит ибҳәац ажәа. Ҿысымҭӡеит.
Маҷк ҳнаскьеит. Сшьара санаақәла, алаф ахь ииазгарц:
− Ибзиоуп, сара сегоистыз, аха бара ибхабмыршҭын Са
ҭанеи Гәашьа шбакәым. Саҭанеи Гәашьа иаалгәаԥхаз ахаҵа
лара дылтәын, – сҳәеит.
− Шаҟа иԥшӡаны дԥышәырччоз гәоумҭаӡеи? – сгәы ԥыб
жәарц ибҳәеит.
− Иԥҳәыс бара баҵкысгьы дыԥшӡоуп. Иԥҳацәа ракәзар,
зынӡа анцәахшақәа! – иԥҳәыс иԥҳа ҳәа аӡәыр дызбахьахын
даз, ҳаҩны даныҟаз саб даниныҳәоз иажәа иналеиҵеит
аҟароуп. Уажәааигәа сазхәыцит; ииашаҵәҟьаны бара Саҭанеи
Гәашьа џьара акала былзыҟаҵәҟоушәа, цәыкәбарқәак лшьа
былоуп. Баша изырҳәом Маџьгана, иԥҳәыс қәыԥш лкалҭ ды
ҵахылҩеит ҳәа. Саҭабымҵан, аҭаацәа аҵәы шәыласҵошәа
иҟалеит сажәақәа. Издыруеит. Усоуп. Изхарада? Бара... Мап,
ихаҭа ихароуп. Дзыҟамыз аԥсраҿы бан анышә данамардоз?
Исгәалашәоит шаҟа баргәааз даҽазны имашьына бақәымтәан анысҳәа. Бсырбаандаҩызшәа, бҿасҳәазшәа ббеит.
Зхы џьаргьы илазмырҟәуа, Адица, ирзааигәоу ауаа ракәым,
аԥсабара ахаҭагьы раӷахоит, илаҟәны рықәыӷәӷәара иалагоит ажәҩангьы. Бсыцәцар, бысцәыӡыр ҳәа сшәаны, шаҟа
бҿасҳәоз, бсырбаандаҩуаз, сара, амдыр, иаҳагьы исыр
ласуазаарын ҳаицәыӡра. Баша ирҳәом ажьырӡы џьбара аҭра
ԥнажәоит ҳәа. Маџьгана имацара иакәызма, ашкол аҿы аӡәы
даабацәажәаргьы...
Ԥшра-сахьала зан илеиԥшу, гәыла-ԥсыла Саҭанеи Гәашьа
илыхшаз...
Ани ԥҳаи ирыхҳәааны ажәабжьк сеиҳәеит, ашьха симаны
даныҟаз, Гәдиса. Даҽаӡәы илыхҳәаазшәа, бан илықәкны...
Уажә иббама аԥсараа ҳцәажәашьа, ацә иақәкны – ажә.
Адица, ани аԥҳаи ирыхҳәааны аҭаҳмада исеиҳәаз бзанысҵарц сшаҿыз, саҭабымҵан...
Алышькьынтыр иахәхароуп Дамшә!
Уи алеи сареи ҳшеизыҟоу басҳәап... Анцәа иумҳәан, аха,
иаҳҳәап, аԥсҭазаара угәы ахшәар, уагьзаԥырымҵуа, уамышьҭуа, арахьгьы иуҭахымкәа ушықәхо еиԥш, исыҭ ҳәа аӡәы
исеиҳәар, егьзлоуҳәаӡазеи ҳәа сизгәаауа, арахь бжеиҳан...
Сықәҵит, сацәыбналеит, икасыжьит Аԥсара. Уахьцалак иуцзааит ҳәа, сан лнапала, Аԥсара Дамшә ааснаркит амҩа
саннықәлоз. Азауадаҿы исызноухьаз азымхозшәа, аҩнгьы
аҭыӡшәа аасыланаҵеит.
Зыҟны сыҟоу аԥҳәыс, (агәылацәа излардыруала, сыԥҳәыс),
хаҵарԥыс ҩызак длымоуп, дҭаацәароуп. Аҩны дааилааит,
дцалааит, сара дабасԥырхагоу сҳәеит. Дамшә алаԥш
наиқәшәеит, абга афҩы аҿасызшәа изыҭрысуеит. Аҩны
аҩныҵҟа данаба, дааҩҵәа днышьҭанаҵоит.
Уара араҟа уааиаанӡагьы иара тәарҭас, гыларҭас иман.
Улагьы уаргьы игәы ншәырхар, шәҩыџьагьы шәдәылҟьҟьаноуп шәышцо ҳәа иаахтны исалҳәеит ани, зыҟны сыҟоу.
Асеиԥш «аультиматум» аныҟалҵа, ҳхы аҭыԥ иқәзар, ашь
шьыҳәа ҳаҟазароуп Дамшәи сареи, ҳҩыџьагьы акыдтәа
лаҩцәа. Ахы ахьныҟәнагаша, иҭәы иԥха иахьыҟалаша аз
хәыцра ацымхәрас, абзиара знымаало Дамшә, лҩыза ишҟа
иамаз ацәымӷра, ифҩы лыхнакаауа, лара лышҟагьы ина
наго иалагеит. Базхәыц ари сара шаҟа ихьаазгоз, шаҟа ис
зеицәаз. Лара лыбзиарақәа раԥхьа игылоуп лчеиџьыка.
Агәыла дааима, дсасума, унхьаԥшны уаахьаԥшаанӡа, астол
лырхиоит. Афатә бзиаӡаны иҟалҵоит, избанзар шеф-поварс
аус луеит, ахәыҷбаҳчаҿы. Убри аганахьала акызаҵәык
грас илымоу, абысҭа, афара акәым, аушьагьы лхашҭхьеит.
Сара ҩымш исычҳаргьы, ахымш рыҽны ианаасҿамшәа,
арыжәтә дшашьҭало еиԥш аҩыжәҩы, сыҿҟьаса снашьҭалоит.
Ахәыҷбаҳчаҿы ахәыҷқәа абысҭа рҿашәҵалар, иабаԥырха
гоу ҳәа ласҳәан, ахәыҷқәа аҳәынҭқарра иааӡоит, ус анакәха,
ирҿаҳҵогьы ҳәынҭқарра чысуп лҳәеит, ажәак сзымҳәо са
ҿалырхеит. Изхысҳәаауа, схазы абысҭа сара изулар акәхеит.
– Ашыла зааухәоузеи, ҳара аџьықәреи агарҭа ҳамам, –
иҳәан, аҩны сыҟаны санаауаз, ааҵәа дук азнаҵәҟьа саб
аџьықәреи сиҭеит. Ишлапҟьаз иҟан, иаазгеит машьынак
илҭажьны. Сан иҿҳарпып лҳәан, исымуит. Сара иаҳагьы
еиӷьысш
ьоит аҿырпра. Ааҵәа ишҭаз, Дамшә ахьықәтәоу
абарҵаҿы инықәсыргылеит. Дамшә аҩны иааныжьны санцо,
ахәда адаҷ нахасыршәуеит. Абарҵаҿы илеиҩеиуеит, абыркьыл ашьапқәа нықәыргыланы, ахы ыркьынаауа инаԥшыааԥшуеит.
Изакә фҩу аԥынҵа иҭасыз бара идыр, аџьықәреи зҭаз
ааҵәа абарҵаҿы иансыргыла инаркны, ашаҵәы-шаҵәра иа
лагеит. Гәырӷьараха, хәмарраха иасит. Аҽарҭынчып сҳәеит.
Ианаасгәыдԥала, ахы аасшьышьын, иаасыргәыбзыӷит. Усура сцеит, амыждараз, иааныжьны. Схынҳәаанӡа, аԥшәмаԥҳәыс дааихьан. Сааҩналазар, аибашьраҵәҟьа ыҟоуп ҳуадаҿы. Ацқәа хырџьаџьан абарҵа акәакьаҿы икҿагылоуп
Дамшә. Ашвабра рыхха илкуп аԥшәмаԥҳәыс. Абарҵа зегьы
иԥсаҟьаны иқәыԥсоуп аџьықәреи. Егьи, иҟанаҵалакгьы,
ааҵәа ахьгылазынӡа инаӡан, икны иахазаап. Иканажьит.
Иԥнартлеит. Алапҟьақәа ирылахәмаруан. Ауаҩԥсы иеиԥш
иҿнарпуазшәа... Иаасцәымыӷхеит. Ашвабра ахаԥыцқәа ианыҵалықшалак, убас иҭрысны иҵҟьон, ларгьы ӷәӷәак лоуп,
аха адаҷ ԥнаҵәар, изланукылозеи, гәаҵаӷара иааиуа... Дааи
хнахуеит. Иараби, Адица, сара сзыҳәан ишԥаиӡби «инар
мышьҭуа лак ицуп» – ҳәа раԥхьаӡа изҳәаз.
Иргәыбзыӷны, идәылызгарц ашәахь исыма сҿанынасха,
агәырӷьара шыҟаз ала, издырит исанаҳәарц иаҭахыз. Ҳара
иаҳҭыԥым араҟа, уаала, ҳақәҵып...
– Улагьы уаргьы шәеиԥшуп, абзиара знымаало, – инасышьҭалҳәеит.
Ҳтәан Петрович иҿы, ҳаицәажәон. Сара исгәалашәон дасу
иҽи илеи иара иеиԥшхоит ҳәа Гәдисагьы исеиҳәахьаз.
Аиԥшхара...
Ашьха симаны даныҟаз, «сыхәышәтәра азыҳәан ахәшә
сыржәра» аамҭа анааилак, ажәабжьк, ма лакәк, днахыкәшааахыкәшо схәыцрақәа саарылигон. Ҳзыхшаз рыцәгьа, рыбзиа, рыгәнаҳа, рыԥсыцқьара, ҳара иҳашьклаҳәуа ишҳашьҭоу
ҳәа дналаган ҽнак:
– Насыԥ змоу Мирон иоуп, – сҳәеит. – Иара иакәым,
имаҭацәагьы ныҵагылап иаб, Аԥҭа ихьӡ-иԥша иацрыҵуа
ашәшьыра. – Мышқәак убри аԥхьа Аԥҭа дахьҭахаз сирбан, схы иҭагьежьуан. Ҳанқәыԥшу бзиарак аҟаҵара иазымхәыцуада, шьыцра бзиала снаиҵашьыцит жәлар рмал
ахьчара зхы ақәызҵаз Аԥҭа. Саргьы убас жәлары, ргәы иахәаша фырхаҵарак ҟасҵазшәа сыҟандаз. Аԥсараа рнапы
сықәыргыла сымҩаԥыргарын. Амитинг ҟарҵарын ҳқыҭа
агәҭаны. Инеимда-ааимдо ажәақәа анырҳәалак ашьҭахь,
исыхьӡынҩылоу ажәеинраалақәа ирыԥхьарын. Аруҭан наҟ
дыҵхны дыҩкажьны, изыхәҭоу, араҟа изаҭәоу абри иоуп
ҳәа анышә самардарын сара. Убасҟан Адица еилылкаарын
икалыжьыз дызусҭоу, дегоисту, мамзаргьы жәлар рус ихыиԥсы ақәиҵоу...
Бԥырҵшьас иҟаны избоз акызаҵәык акәын – сгәаҵаҿы
бгәаӷ арбыжкра. Ииашаны илҳәеит сан, ииашаны илҳәеит:
«Мсыгәда лыԥҳа уаҳа дзеиԥшрахоз». Бзысҭоз аӡы кәапеик
налеиҭәон Гәдисагьы. Аха ԥсаҭала исҳәозар, уахык бцәа
бхыхра (ҳәарада, быхьӡ мҳәакәа, бара ибықәкны, аха иара изымдыруа дыҟазма сажәақәа зызкыз бара шбакәу),
ишакәӡам быхцәажәара санаҟәымҵӡа, ламысла иаҳҳәозар,
ҳахьиашам ыҟагәышьоуп, игәоумҭаӡаци, дад, абаарраҿгьы
ашәҭыц ииуеит ҳәа дналаган, ан длыхәаԥшны аԥҳа лыхә
ашьара иахҳәааз ажәабжь хәыҷык сеиҳәеит. Уи араҟа
ибзанысҵомызт бара быхьчара иазкымызҭгьы.
− Аԥсаратәи арԥыск ԥҳәысҳәара дцеит, – иҳәеит. – Ажәы
тәан ишԥаҟаз, аҳәса шԥааргоз? Ауапа даалаҳәаны, аҽыхәда
длықәк, еес, дрыма ицон. Аӡәы дрымаикыр, аҵықьҳәа илаи
гәыдҵаны дыршьуан, – снаԥшит, агәаӷьра сыланаҵарц
сзеихслоз ацәаҳа ахьгылаз ашҟа.
− Амҽеиқәа ажәытәангьы иҟан, уажәгьы иҟоуп, урт
ықәызхуа аарҩарагьы ҟалом, дыды-мацәысгьы. Уӡырҩла.
Иҩызцәа ицны ԥҳәысҳәара дцеит арԥыск. Аԥшәмацәа ҳа
ҭырла ирԥылеит. Рхәы ҟарҵеит. Иччоит, алаф рҳәоит. Лара,
аԥҳәызба ԥшӡа, аԥҳәызба ссир дықәгьежьааны, рымаҵ луеит.
Имацара акәасқьа абарҵаҿы дтәоуп ԥҳәысҳәара инеиз.
Дааҟәымҵӡакәа абаҳчахь дыԥшуеит. Аԥҳәызба ари ангәалҭа,
ус днаиазҵааит:
− Ҳасас игәаԥхазаап абаҳча. Ииашаҵәҟьаны, уаҟа аҵәақәа
ҟаланы иҿоуп... Иаҳа дызхәаԥшуазеи?
− Аԥшӡа-ссир, абаҳча акәӡам сызхәаԥшуа. Бнаԥши,
абаҳчаҿы иҿаҳәоуп сҽы. Абни аҽы ан лакәушәа иҟан. Аҵла
иқәланы иҳәуан. Сахәаԥшуеит, аригьы ус ҟанаҵарушь ҳәа.
Аԥҳәызба ҟәыӷак лакәын. Лан дыԥҳәыс ласын, лыҵҩа
қәа ҽеимызт. Ари зиҳәаз сара сԥишәарц азыҳәаноуп, сан
слеиԥшхозар еиликаарцоуп лҳәеит, илдырит. Аҭак даҽакала,
иара ишигәаԥхашала иҟалҵаргьы амуаз аха...
– Ан аҵла иқәлозҭгьы, иаргьы аангылашьас иамоузеи!
Ан ианарбаз ҟанамҵои, – лҳәеит. Дҟәыӷазҭгьы, дналҿаԥшыр,
илҳәази лгәы иҭази шеиқәымшәоз аилкаара мариан. Дҩагылан, шәаала, араҟа ус ҳамам иҳәан, иҩызцәа иманы ашҭа
дынҭыҵит. Уаҳа ԥҳәыс дизаамгаӡакәа иара днеимгәажәит.
Лара? Лара хьӡи-ԥшеи лыманы, рнапы дықәыргыла анышә
дамаздаз лмаҭацәа руаӡәк уаԥхьа дтәоуп. Изхысҳәаауа.
Усҵәҟьа...
Сара схы-сгәы иҭыҵуам, сазхәыцуеит Аруҭан инышәынҭраҿы данызбаз, Мсыгәда исалҳәаз. Иаанагозеи «сна
пала дысшьит?» Уи аилкаара сзыцәгьахаргьы, избан, изыс
зеилымкаауазеи иаанаго: «Иухароу шыҟоугьы, насыԥ
бзиа Анцәа иуиҭааит», – ҳәа исалҳәаз? Сара исхароузеи?
Анышәынҭра аҟаҵара... Дымшәа-дыԥхамшьа... Уахь анеира...
Абзиабара мацара акәушь? Адица, сара сҭысит абзиабара
аҵкыс еиҳау акгьы ыҟам ҳәа анысҳәоз аамҭа. Еидкылашьа
рымам, издыруеит, аха аԥсрагьы убасоуп. Аԥсра аҵкыс еицәоу
егьыҟам ҳамҳәои? Башоуп. Анцәа иаҳзааумган акәымзар,
иҟазаап аԥсра аҵкыс еицәоугьы. Сара исыздыруам дарбану
иаҳа ирыцҳашьатәу, иԥсыз Аруҭан иакәу, ԥсым-бзам адәы
иқәхаз Мсыгәда лакәу. Бгәы иаанамган уи лзыҳәан сгәаҵа
иҭаз агәаӷ аамҭа иагеит, иҭаӡыҭит, лгәыбылра сызцәырҵит
ҳәа басҳәарц сҭахушәа. Иланасыжь акәым, иаҳагьы иацлеит
лгәаӷ исымоу. Исыхьит, сыԥсит, аиакәым ҟасҵеит ҳәа акәым
кәа, дазхәыцны лшьаҿа еихылгазшәа, илыхьызгьы дахьхә
ны дыҟамызшәоуп уи сара дшызбаз. Абзамыҟә аламысдара
ҟаиҵар ишԥаизууеи? Уаҳа изеилкаауамызт уҳәоит. Аха
даҽакуп зхаҿы зегьрыла зыхшыҩ ыҟоу, иҟаиҵо закәу здыруа
иеихиго ашьаҿа.
Иауам, исԥырҵуам анышәынҭраҿы исалҳәаз ажәақәа.
Исгәаласыршәоит уи аус аҵыхәала саб исеиҳәақәаз, уи
иҟнытә еилыскаақәаз.
Ибдыруеит, ахьымӡӷ бааԥс ақыҭа ианрылаҩҩ, уаҩшьрак
ахылҵыр ҳәа ишәан, жәытәнатә аахыс ҳқыҭаҿы еиҿкаау
абыргцәа рхеидкыла еизеит. Урҭ дрылахәын саб. Усҟан
иара ҩ-мцакы дрыбжьанакны дыҟан. Абыргцәа рхеидкыла
дызлалаз ала, уи иуалын ашьакаҭәара ҟамлартә еиԥш аус
арманшәалара. Аха убас ҟаиҵарц азыҳәан, уи даиааир акәын
даҽа цәанырра дук. Ихаиршҭыр акәын еишьцәак реиԥш
ишеибабо ахьымӡӷ здыз баб Арсанеи иареи.
− Ажәытәан аҩыза ишьа иуан аҩыза. Аиашьа гәакьа
иаҵкысгьы ашьа зыдхалоз аҩыза иакәын, – аниҳәа ҽнак,
игәасҭеит, сан шаҟа лыԥшшәхәы лыԥсахыз. Уи иажәеи
иуси хҭак ишеицҭадыршәуаз лдыруан. – Сара соуп зегьы
зхароу, дзырҩашьаз сара соуп ҳәа, илзынаҳашьҭыз аҳәса
рҿала иаҳзаалыцҳаит лара, Мсыгәда. Дзакәытә ԥҳәысузеи!
Даҳзымдырӡозаарын! – Даҿын саб.
− Схаҟара пату лықәысҵон... – лҳәеит сан. – Уара суз
гәаалахуан, иакәым ажәа шԥеиҳәеи, асеиԥш ажәа ауаҩы
иарҳәома ҳәа... Иухашҭма, Арсана уи данигоз иауҳәаз?
− Дсызхәыцма! Иуазма, иԥсы лылаханы дыҟан.
− Уажәы ас лыхьӡ ангоуп акәымзар, усҟан илыгыз?!
Иарбану дзимгарыз, – лыӡбахә лаҳар шылымуазгьы, уажәы
дналыдгылеит сан.
− Диццеит, аха дышԥаиццеи! Усеиԥш дуццар аҵкыс, уԥсы
ахьынӡаҭоу унасыԥданы уҟазар иаҳа еиӷьуп. Ишынеибакәу
изхароу иара иоуп. Ишԥеизеилымкааи, усҟан Мсыгәда дыз
иццаз, – ихаԥыцқәа аҿҿа рыҵгон саб.
Ҿысҭуамызт. Исгәалашәон, шьхатәылан, аҳәымца иадтәаланы, бани баби рзыҳәан ахьшьцәагьы ирҳәақәоз.
– Ақыҭа далаҳцеижьҭеи дыжәбахьоу Мсыгәда? – ҿааи
ҭит аӡәы. – Амца егьа ацәа ахнаблааргьы, агәаԥшь азын
хозаап аҵла бзиа. Лгылашьа, лныҟәашьа, дыззымдыруа
дналыхәаԥшыр, игәы иаанагом ахлымӡаах дақәшәахьеит,
қәралагьы амаҭа длоухьеит ҳәа.
− Уара избо, улеилаҳаит ҳәа сыҟоуп. Иҳазҳәом акәымзар...
Лхаҵа Арсана, аинвалид, ишьапқәа имыхәо аибашьрахьынтә
дхынҳәит. Ламысдароуп, иара изыҳәан цәгьарак аҳәара,
аха, ишәҳәа, аибашьра ҟалаанӡа, Мсыгәда данигаз, иара
диқәнагозма? Иԥшра-исахьа ыҟамкәа, қәралагьы акыр
длеиҳабны. Ииашаҵәҟьаны ирҳәоит, ауаҩы шықәсык знык
деилагоит ҳәа. Уажәы, Аруҭан иҿы аус анлоуз акәӡам, убасҟан, Арсана даниццауазоуп Мсыгәда данҩашьаз.
− Аӡәыр иҳәо шәаҳахьазма Арсана иԥҳәыс ҳәа, зегьы
ишаҳҳәоз Мсыгәда лхаҵа ҳәа акәын.
− Дзыццаз лара лаҵкыс деицәан, уи сақәшаҳаҭуп.
Аха иџьоушьаша, бзиабаҩыс ишьҭылхыз? Уи дзеиԥшраз
зышәымҳәозеи? Дануацәажәоз иқьышәқәа инапы рԥыраимкыр, угәы хынҳәрын. Ихаԥыцқәа... Иӡамҩақәа? Алҩа иарҩаз
ажәцәеимаа. Ирҳәоит, аԥҳәыс ԥшӡа, еснагь лара дҳаракны
дгылазарц, ԥшра-сахьала лыҵкыс еицәоу далылхуеит ҳәа.
Иԥшра-исахьа ухы иқәукып, ихьӡ-иԥша узымдыруазар...
Лыблақәа хҩазаргьы, ллымҳақәагьы дагәахама...
Сара сақәшаҳаҭым, Адица, аџьныш-қаҷаа изыҳәан ахьчаҭаҳмада ииҳәаз. Хҿыхгас иӡбоу акоуп. Џьара акала иуаҩра

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 08
- Büleklär
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3316Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23490.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3340Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23520.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3345Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22500.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3328Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23160.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3385Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23440.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3340Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23060.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3345Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23680.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3324Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22900.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3285Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22810.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3325Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23080.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3339Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23130.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 12Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3318Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23480.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 13Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3280Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22850.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 14Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3350Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23100.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 15Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3316Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23530.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 16Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3308Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23510.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 17Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3323Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23690.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 18Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3363Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23490.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 19Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3351Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23420.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 20Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3304Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24120.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 21Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3400Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23980.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 22Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3355Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23280.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 23Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3464Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23090.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 24Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 4490Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19500.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 25Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 4507Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19470.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 26Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 4637Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19040.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 27Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3881Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20040.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 28Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3326Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22410.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 29Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3292Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22410.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 30Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3355Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22270.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 31Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3411Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22570.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 32Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3351Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23220.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 33Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3328Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23310.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 34Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3423Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23260.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 35Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3404Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23000.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 36Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 813Unikal süzlärneñ gomumi sanı 6270.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.