Latin

Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 03

Süzlärneñ gomumi sanı 3345
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2250
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
еиԥш иҟаз ауаҩы ивараҿы дыжтәызма амаҳагьа, ҳара ҳҿы
иҟауҵалак ауеит акәымзар ҳәа ииҳәац нациҵар ауан. Аиа­
ша сҳәозар, саргьы даараӡа исцәымӷын, егьиашам ҳәа
исыԥхьаӡон ус иахьыҟарҵаз. Аха уаҳа ԥсыхәа амоукәа, урҭ
аҩыџьа анеиварж, уажәшьҭа, Мирон днеины Аруҭан дыҵхны
дкаижьыр, зыԥсы дыҵырхыз ишыбдыруа, зашьа дыршьыз
реиԥш, ахьымӡӷ...
Саб ицәажәара даҽаџьара иахызгарц:
− Шәахәаԥш аҳаҷҷа адацқәа зеиԥшроу. Рымахәҭақәа
шеи­ԥшым еиԥш, рԥашәқәагьы еиԥшымзаап аҵлақәа. Аҳаҷҷа
аԥашәқәа, аинцәыш еиԥш, иҩеижьуп, – сҳәеит. – Арҭ аҵлақәа
рымахәқәа ааибуамызт аҳауаҿы, аха шәрыхәаԥш, аԥҳәызба
лыхцәы анылԥо еиԥш, рҽеикәыршаны ихәыҵазаарын
рԥашәқәа.
− Иакәым ҟаҳҵазар ҟалап, – ҿааиҭит Мирон. Уи иаб
ишырҳәаҵәҟьо еиԥш дыҟазҭгьы, ииашаҵәҟьаны иаб диеиԥшуп. Ауаҩԥсы игәы иалсша акәым, ашәаԥыџьаԥҵәҟьа даԥырхагахар ҳәа дшәоит. Атрақтор дақәтәаны данаауа ҳаихычча­­

лон, уаҟа умиасын, ашьац ааны иҟоуп, атрақтор иарҟьыц­уеит
ҳәа.
Иблақәа ҭырхаха аҵлақәа рԥашәқәа дрыхәаԥшуан.
− Аҳаҷҷа аԥашәқәа аныҵнажәоз, шәрыхәаԥш, ал аԥашәқәагьы ԥнаҵәҵәеит. Рҽеикәыршаны, еилысны иҟазаарын, –
Уи данцәажәо, дааҟәымҵӡакәа ублақәа дырхыԥшылоит. Угәы
иамыхәаша ажәак ицәалашәар, убла инхибаалоит, али-ԥси
рыла инхьаиршшоит.
– Иазынхаз аԥашәқәа иара иазхоит. Арҭ, ихәыҵнаҳәа­
қәазгьы анышә нарықәсыҳәҳәоит, хьаас иҟаумҵан, нхамҩа
бзиа Анцәа иуиҭааит. – Ԥыҭрак дынкахәыцит саб. – Аиаша
ыҟам адунеиаҿы, ажәлар рус зхы ақәызҵаз ивараҿыҵәҟьа
дыржит амаҳагьа. – Иамуит, изымчҳаит имҳәар. – Сара исымбац, Аԥсара ада, амаалықьи аџьныши џьарак еиваржуа. Иҟам
аиаша...
– Шәаала аҩныҟа, ҳхәы хьшәашәоит, нана ҿылҭуан, –
сҳәеит. Иҵегьы дҟәыӷаз џьысшьон саб. Изаҽԥниҳәоз, иара
итәала, аԥсараа ракәын. Аха дышԥазымхәыци уи аҽԥныҳәа,
аԥсараа ирынԥаны, иара Аԥҭа иҷкәын заҵәы Миронгьы
ишиаахоз.
Ааԥын, аԥхын, нанҳәа шоура... Уаҳа ааԥынра изаԥымлеит саб ил-ҵла. Уажәааигәа ашҭа сықәгыланы, акраамҭа
сахәаԥшуан. Иҩаны игылоуп ал. Анаҩсан, аԥашәқәа хаххала, аанда иаважьуп аҳаҷҷа. Изқәиҵаша, даҽа ҵлак ааигәара игыламызт, ишԥазиуаз аӡахәа. Дааҩаханы ашьапы
илыҵахиҵәеит ашьаҟьар ахылҿиаарц. Аӡахәа ажәла ирӡшам, аха сара уи акәым сзызхәыцуа. Еибарӷьацом ҳәа саб
дызхәаԥшуаз аҵлақәа, рԥашәқәа убасҟак еилысхьан, руак
аԥашәқәа аҵхшьа рымамызт, егьи аԥашәқәа ԥымыҵәҵәакәа.
Абарҭ аҵлақәа рԥашәқәа реиԥш, иҟалоит еилысхьазар,
рҽеидырҳәалахьазар ацәгьеи абзиеи. Ацыхаӡы уацны уҿылаухар, амшын аҿы ушнанаго еиԥш, абри ахшыҩҵак хәыҷы схы
иҭагьежьуа сшазхәыцуаз... Ҳаԥхьаҟа еилыбкаап ибасҳәарц
исҭаху... Ахаан бгәы иҭашәахьоу, абри сара иббо изгәаӷьып
ҳәа ауаҩы иҭархара? Сара, арҭ ҳахьыҟоу дыҟаӡам, ашәҟәқәа
ихы еиларгахьеит ҳәа ҳакласс аҿы изыхлафлоз, згәаҵа
бзиабарала иҭәыз?! «Алиас, акыр ыҟоушь адунеиаҿы абзиабара аамышьҭахь?» Сҩызцәа рлафқәа слымҳа иҭаҩуеит.

Бгәы ишԥаанагои, Аԥсара кажьны, сықәҵны сызцазеи?
Арра сахьынӡаҟаз, саныхараз, иаҳа ахгара сзымариан,
саныхынҳә, еиҭа қыҭак аҿы, бааигәара саныҟала, быбла
аҭаԥшра схьаақәа есҽны иартытлар аҵкыс. Усоуп ишыбдыруа.
Ибцәызӡом, уигьы ыҟагәышьан, арра сцаанӡеиԥш, сымшгьы
сыҵхгьы неибанеиԥшны шәшьыла иҭалаҳамызт. Еилыӷраан
сыжәҩан. Аԥҭа еиқәарақәа хьанҭаӡа инхаҳаларгьы, амра
иагон иԥыжәжәаны. Сара сықәҵра аиҳараӡак зхароу
даҽакуп. Ибдыруеит, аррахьтә саныхынҳәуаз, сныҟәызгашаз
занааҭк ҵаны сааит. Аколнхараҿы, Мирон ибзоурала, аидара
мҩангага машьына сақәдыртәеит. Ибзианы иныҟәысцон.
Агараж аиҳабы иажәа сахыԥомызт, иахьырҳәаз, ианырҳәаз
аамҭазы сыхианы сгылан. Ажәакала, арратә дисциплина
ԥытраамҭак снанагеит. Аха нас, саб иҳәашьа, схынкылара
аӷәрақәа кәадахо иалагеит. Ишыбдыруа, бхаҵа Маџьгана
усҟангьы амашьына дақәтәан. Цәгьарак иҵазгалароуп ҳәа
схы инҭашәаргьы, наҟ инасԥырысцон. Абас ҳшааиуаз, шықәсыбжак ааҵхьаны, амашьына саақәырхын, агараж аҩныҵҟахь
сиаргеит, ишбасҳәаз еиԥш, механикс. Сус ианалацәажәоз,
ацәгьара исзиухьаз изымхозшәа, дысҿагылеит Маџьгана.
Уара иузеиӷьу ауп исҭаху ҳәа ииҳәаз, баша хырқьиароуп.
Иахьагьы иҵәымаӷха сгәы иалақшоит иажәақәа:
– Аҩыжәра даҟәыҵроуп. Ишаабо, аргамаду машәыр иуеит.
Зны аҵла даахалап, ҽазны ажра иҭаижьлап амашьына. Ауаа
шақәтәаз ихьызҭгьы?!.
Ламысла исҳәозар, иажәақәа иашагәышьан, аха, Адица,
аԥсҭазаара иунарҵо аҟәыӷарақәа ируакуп, иҳәатәуи иҳәатәыми реиҩдыраара. Уара иуҳәаз иашоуп, иаахтны уцәажәеит, уи азин снаҭоит, саргьы уара узын сгәы иааҭоу зегь
сҳәар ҳәа сналаганы, издырқәоз зегьы, ҳҩызцәа ишраҳауаз
иасҳәазҭгьы... Иареи бареи шәзеиҿамԥшуа, шәагьзеилымҵуа
шәаақәсырхон. Бара ибдыруеит исҳәартә исымоу.
Ҳара ҳҳабла уахьналало дынхоит, баргьы ибзианы дыб­
дыруеит, Алхас зыхьӡу даҽа машьынарныҟәаҩык. Бхаҵеи
сареи аидара мҩангагақәа ҳанрықәтәаз, уи «асамосвал» ныҟәицон. Уажәы изшьапык хамҟәалаӡо, алаба ааиҵшьуа аҩны

дыҟоуп, апенсиа иоуеит, избанзар, аколнхара аус азыҳәан
амҩа дшықәыз ауп амашәыр дшақәшәаз. Исгәалашәоит,
агараж ахь саниарга, аҩныҟа ҳаицаауан Алхаси сареи. Шы­
қәса ҩынҩажәижәаба ирҭагылаз, зусушьа бзиаз, зыҩнгьы
ибзианы иҟаз, уаҩ ҭынчк, уаҩ гәыразк иакәын усҟан, уажәы,
сара данышьақәысҟьа ашьҭахь, дшыҟала, иҽшиԥсахыз сыздыруам акәымзар.
Маџьгана имацара иакәызшәа исҿагылаз, амашьына
дақәхтәуп ҳәа убриаӡәк иӡбазшәа, схы сызнымкыло:
− Дахьынӡасыӷраԥалахьоу азхоуп уажәшьҭа, – сҳәеит,
сыԥсы ааины сгәы икылахо. Алхас дааԥышәырччеит. Иаҳагьы амца сыҵанаҵеит. Сҿы иаҳәоз акәын иаҳауаз, сгәы иҭаз
абаидыруаз.
− Цәгьара узимуит. Аамҭа анцалак, ианухыԥсаалак, иҭабуп
ҳәа аниоуҳәауа...
− Изакә ҭабупузеи иасҳәо! Сара снасыԥданы адәы са­
хьықәирхаз азыҳәан иҭабуп ҳәа иасҳәома?! Шәызегьы
шәеиԥшуп!
− Убриаҟара инасыԥума ашоферра! Ҳара, амашьына
аруль зку ҳаҵкыс уара узлеицәоузеи? Иамуӡар, уагьеиӷьуп!
Унапы ҳаныԥшылоит, – иҳәеит Алхас. Иҳәатәымыз шсамхаҳәаз еилыскааит, сагьеигәырӷьеит «снасыԥданы адәы
сахьықәирхаз» ҳәа сзырҳәаз Алхас зынӡаскгьы иахьизымдыруаз.
– Ҿимҭыр акәын, иара ҿимҭыр акәын! – иауамызт, сҽыс­
зынкыломызт. Иаҳа-иаҳа ихыҵуан ихәаҽны исымаз.
– Иузиухьоузеи, уара?
− Уиазҵаар, иуеиҳәап. Иазхоуп исычҳахьоу! – аԥсык
аасыг­хеит бареи сареи ҳамаӡа самхаҳәарц. Сыҽныскылеит. Сара сыда даҽаӡәы издыруам, Адица, шаҟа ицәгьаз
аҽын­кылара. Алхас уаҩ ҟәыӷак иоуп, акыр дазымхәыцкәа,
им­шәакәа-имзакәа акгьы иҳәаӡом. Изакә еиӷароу маӡала
иҳабжьоу иасҳәаргьы, усҟанҵәҟьа сышны саныҟаз, сызҟажашаз ажәақәак схы инҭагаланы, ашьҭахь иҟалаз ҟамлартә, излахирԥаша џьара акы сзиӡбуан. Ус егьыҟасҵандаз
бымбои... Сгәы иаанагом, бара бзырхынҳәыша џьара акы
иӡбарын, мҩакы сықәиҵарын ҳәа. Уи уажәшьҭа аԥааимба-

ргьы дахәом. Дзыхәоз убри акәын, иахьа Аԥсара сыҟазаарын.
Аԥсара акәым, Аԥсны салҵны сцахгьы, Алхас деибга-деизҩыда имашьына дақәтәандаз.
Бзиарас иҟасҵаз,ҳқыҭаҿы аангылашьа сымам,сықәҵыроуп
ҳәа ӡбаны саналга, инықәыршәны сцеит Алхас иҿы.
Мап, Адица, бацәымшәан, бареи сареи ҳамаӡа сыԥсы
иахсмырӡааӡеит. Ҳаицәажәара базыӡырҩыр, иҟалаз баргьы
еилыбкаауеит. Ҳаицәажәара сҳәеит, иара акыр иҳәозшәа.
Амца зҵашыз ахш анхыҵуеиԥш, Алхас ажәак абжьаршәха
имҭо, сара аҳәара салагеит. Убри аламҭалазы шаҟа ҵхы сыцәамыз, адәы санықәугьы, акгьы сымбаӡо, шаҟа сазхәыцхьаз,
баҳәашьас иҟасҵарызеи. Џьаҳаным гыларҭас ироуааит сара
сгәаҟрақәа зхароу!
Алхас изшьапык хамҟәалаӡо, сахьихәаԥшуаз, асаби иеиԥш,
сгәи сылабжыши еилаҵәон. Арыцҳашьара, агәаӷ, схы-сгәы
ахшәара... Мап, Адица, арҭқәа ракәмызт. Исыздыруамызт уи
закәу мчыз, аха гәныхәҵысҭала еилыскаауан, мчык аҿаԥхьа
сара сшыхәмаргахаз.
Адица, уи дуаҩыбжаны адәы дықәзырхаз сара соуп.
Агәра бызгом? Иџьабшьоит?
Агәра бызгом, сара уи аҩыза ҟасҵеит, уи аҩыза ацәгьара
сылоуп ҳәа? Схаҭагьы сыԥхыӡ иалашәар, агәра сызгомызт
сақәшәаанӡа.
Базыӡырҩы Алхаси сареи ҳаицәажәара.
– Умҩахыҵ аҩныҟа, Алиас, иҵуазеи сыҩны умааижьҭеи.
Ахәышәтәырҭаҿынтә саазгада? Уара. Убринахыс иухьзеи?
Убналеит, усымбац. Сухашҭӡеит. Сара уаҟа, ахәышәтәырҭаҿы
сахьышьҭаз, дсыздырӡомзаарын Алиас, шаҟа дуаҩы гәыбылҩузеи, зегьы реиҳа дысхылаԥшит ҳәа, урҽхәара саҿын. Аҩ­ны
сааганы сынкаужьт, угәы нсырхазшәа, уинахыс убналеит, –
иҳәеит. Ишыбдыруа, аԥсараа ауаҩы дызлаҟоу, насгьы абзиа­
ра иҟаиҵаз инацҵаны аҳәара бзиа иаҳбоит. Усоуп ишиҳәаз
Алхас сара сзыҳәан ииҳәаз ажәақәа, аха иахьиашазгьы
рацәан. Амашәыр данақәшәа, изыҟаиҵаз абзиарақәа маҷк
анациҵа, маҷк ианеихеиҳа, уи ауаҩ ихы-игәаҿы ишьақә­
гылеит аиҩызара бзианы издыруа, ауаҩра злоу хаҵар­­­

ԥыск ихаҿсахьа. Уажәы сааит сара, сара схаҭаҵәҟьа, ишьа­
қәиргылаз, дзызхәыцуаз ахаҿсахьа хсырбгаларц.
Агәашә аҿы сыбжьы ансырга, сара шсакәыз анидыр,
ибаҳандаз, шаҟа дгәырӷьаны аҭак ҟаиҵаз. Илаба иҵшьуа
ашҭа дықәланы данаауаз, Адица, сахьгылаз сдақәа сылҩаазар ҟалап. Данаасыдгыла, дышԥасыхәаԥшуаз, ишԥаҟаз
иблақәа! Сара ирхызбаалоз акы акәын: «Иузызухьааз,
уанаџьалбеит, сумыцхраацзар, суԥырхагамызт, уара узыҳәан
цәгьарак сгәы иҭамшәацызт, аа, исзууз!» Имцабзха, угәаҵа
ҭырблаауан иблақәа.
Исҳәашаз, аҵх еиқәара салаԥшуа, цәамҩахә ансымамыз,
ишысҳәа-шысҳәоз, ҿырҳәала исҵахьан.
Сҽынкыланы, харантә сналагеит:
− Уҩны иҟада, Алхас?
− Аԥшәмаԥҳәыс дыҟоуп. Уигьы дубап, уааҳалатәап, умҩахыҵ. Игәхьаазгоит ҳгараж, ҳааицәажәарақәа, – даҿын ҭынчҭынч. – Уаазгазеи шаанӡа? Бзиароума?
– Мҩакы сықәлоит, Алхас. Ажәақәак уаҳәатәыс исымоуп.
Иуамҳәакәа сызцом, – сыԥшышьа игәамԥхазар акәхап, аҩ­
ныҟа анеира уаҳа исыдымцалакәа, агәашә дынҭыҵит. Ам­
ҩаду анымҩахыҵ, аҵла амҵахь ҳҿынаҳхеит. Ишьапы ус­
гьы ихаҟәаломызт, еиҵыхны инаиваиҵан, иҽаарнаашәа
днатәеит.
– Уажәыгь агараж аҩныҵҟа аус ууама, Алиас? Угәы иа­
лымсын, иухарагәышьоуп. Уҩыжәыҩны, ажрақәа унар-ҭаҳауа
удәықәым, аха лассы-лассы уқьаф ҭауҵалоит. Амашьына,
амцахә, шыҟоу умдыруеи... Усҟан баша уизгәааит Маџьгана...
– сара исҳәарц исҭахыз ашҟа сиасаанӡа, иныб-жьаиршәит.
− Аԥсаатә амҵәыжәҩа ԥҵәаны, нас уара уԥсаатәума,
узыԥырӡом ҳәа... – сҽааныскылеит. – Уазымхәыцын, баша
исҳәеит. Иуасҳәарц исҭаху, сыззааиз... Аха уи ашҟа сиасаан­
ӡа, сыхьӡала... – сџьыба сынҭалан, шәмааҭк аԥара ааҭызгеит.
– Уҷкәын данцо, ӡык алаижәып, исызиҭ. Сара сгәы иахәоит,
– иџьыба инҭасҵеит.
− Иҭабуп, Алиас. Уаԥхьаҟа, уанҭаацәарахалак, ухы-ухшара,
уеиҵаҩҩы уаныҟалалак, ҳаргьы Анцәа ҳауԥигалааит. Иу-

цәызӡом, апенсиа сызхагәышьом. Ахәыҷы данцо исҭарызеи
ҳәа схәыцуа стәан. Уара иҟауҵахьоу маҷума. Исхашҭыз
џьушьома, ахәышәтәырҭаҿы санышьҭаз, шаҟа абзиара сзу­
уз, – иҳәеит. Иҟалаз анеилыбкаалак, ибдырып сахьихәаԥшуаз
сгәы шыҟаз. Сара саҵкыс деиӷьын Баӡ, ауаҩы дызшьыз.
Уи дызхишьааз ыҟан. Диаша, диашам, даҽа зҵаароуп. Аха
ари, харак змаӡамыз, иаџьал ааиаанӡа... Ишԥаизырҳәоз
аԥсараа? «Амашәыр мыжда, ауаҩы бзиа, ауаҩы цәгьа ҳәа
еилых дамаӡам. Машәырла дҭахагәышьеит». Егьырҭ зегьы
ҳарҟәаҵып, бара, бара бхаҭагьы, харак быдуп ҳәа гәҩарасгьы
ибкуамызт.
− Исыздыруам, Алхас, сшалагара... Аԥсара сықәҵырц
сыӡбеит. Акы суазҵаашан, уаныбӷалаҵәҟьа, сааҭкгьы мҵыцкәа, угәы ишԥаанагои, сара сназгазеи уаҟа?
− Сразҟы унанамгеи. Сшьапы усума, схаҭа сеиқәхараны
сыҟазма, уара усықәымшәазҭгьы.
Убри аниҳәоз аамҭазы, ҳнаҩс, аӷьӷьа-гәгәаҳәа ашьҭыбжь
рго, аҳабла иалгоу амҩаду ианыршәланы ицеит машьынак.
Иарбан машьыноу, ашьҭыбжь алагьы идыруеит ашофер.
Иббазшәа быҟандаз, Адица, амашьына ашьҭыбжь аниаҳа,
уи иблақәа шыҟалаз. Убасҟанҵәҟьа уи азхәыцха сымамызт,
сажәа иаҳәаны саналга, мшқәак анҵы, иблақәа шыҟаз, ихыиҿы аҽшеиҭанакыз ансгәалашәа, исҳәеит сгәанала: «Уи анцәа дишаны дыҟан амашьына аныҟәцараз».
− Уанбӷала, Алхас, сара суқәымшәаргьы, ашәанцәа уааргон
ахәышәтәырҭахь. Ухабзиара аҟнытә иуҳәеит. Сара иҟасҵаз
уи акәӡам, Алхас. Сара, ақыҭа салҵымҭаз...
− Сгәы иаанагомызт убри уара иуҳәап ҳәа. Уараӡәзаҵәык
уоуп хшарас уаб имоу. Уажәыгь ихьааугома амашьына
уахьақәырхыз? Сымч ԥыҭк аҟара иаасылалар, саргьы агараж аҩныҵҟа аусура салагоит. Суцхраалап... Уара иуеицәоума слесарцәас аус зуа. Унапы ҟазоуп, амашьына иагхаз
иузыҟамҵо ыҟаӡам, зегьы ҳәыркьиуа иудгылоуп. Уи иазууазеи. Ақалақь ахьтә иахьа уанаауа, инасыҵарсуа искыша,
џьара неигас, иԥшӡоу, иманшәалоу лабак сзаахә.
− Иузаасхәоит, Алхас...
− Смашьына иақәтәоу дахылаԥшуоушь?

− Уаанҿас, Алхас. Уламыс уанамыргәаҟ, егьирахь ауаҩы
ихимго егьыҟам.
− Уара уи абауҳәарҭоу... Уламыс уаргәаҟыртә иҟауҵахьоузеи?..
− Абар иҟасҵаз,– снапы нақәыскит ишьапы. Лафны исҳәоз
џьишьеит. Дааԥышәырччеит. Ахаан ихы-игәы иҭамшәаӡац,
гәҩарас иимкӡац акы иаҳар дышԥаҟалои? – Ууаҩы бжаны
адәы уқәсырхеит. Анцәа иџьшьоуп, ҳҩыџьегьы ҳразҟы иаҵанакит, уԥсы ахьеиқәхаз...
− Уара иууазеи! Схәыҷқәа рразҟоума... Уи иашоуп,
сахьыбӷалаз збаз, агәра рызгом, сыԥсы еиқәхеит ҳәа. Хәҭахәҭала еимыхноуп амашьына шхаргалаз.
− Уара ишԥоудыруеи, Алхас, иаалырҟьаны иахьзеи ума­
шьына?
− Иуасымҳәеи ахәышәтәырҭаҿы санышьҭаз. Уаҟа унаӡаан­
ӡа, ишудыруа, уааҟәымҵӡакәа ҩада ухалоит. Шәантәыла уалаларц уамак угымкәа, инаараны унҭалоит. Даараӡа ихлаӷьароуп. Игәасҭазшәа сыҟан атормозқәа, хар рымаӡамызт. Сара
смашьынала сцазҭгьы иаҳа еиӷьын. Маџьгана имашьына
сзақәтәаз, ҳзавгар исеиҳәеит, уара узы, иацынтәарак Маџьгана имашьына даҿын, иагыз-иабзаз ҟаиҵеит, Шәантәыла
еиԥш иҟоу амҩа цәгьа ашҟа ацаразгьы имазеиу убри ауп
ҳәа. Ҳколнхара аферма аиҳабы, аԥхын, арахә иманы ашьха даныҟаз, ашәанцәа драцәажәеит аҟауар издыршьарц.
Ааԥҭраҿы игылоу аџьмаҭра хыбтәын. Иахәҭаз ашәҟәқәа
еиқәиршәеит. Аконтораҿы ирыӡбеит Маџьгана дрышьҭырц
аҟауар аагара. Иҟалашаз ауп, улахь иану узахыԥом. Уаҵәы
ашьжьымҭан Маџьгана амҩа дықәлараны дшыҟаз, уахеиԥш...
Иумбои, аразҟы иман, иаалықәшәан, аԥсра далагеит иан.
Аҟәаҟа дигеит игәылацәа рмашьыналас ала. Данцоз, ҳферма
аиҳабы иҿы дынкыдгылан, сан дхәарҭам, ахәышәтәырҭахь
дызгоит, иҟалап мчыбжьык, жәамш раҟара амҩа сзықәымлар,
узԥшуазар, уааԥшы, иамуазар, даҽаӡәы дшәышьҭы ҳәа
иеиҳәеит. Ԥшышьа рымамызт. Аӡынра ааигәахон. Асы аур,
амҩа акуан, – гәҭахәыцрала акәын ишигәалаиршәоз Алхас.
Избон уажәадагьы акырынтә дшазхәыцхьаз. – Ишԥаҟаиҵоз,

ихарагәышьоузеи аферма аиҳабы! Ашара дазымԥшыкәа,
аколнхара ахантәаҩы иҿы дцеит. Дыцәан, дааирԥшит, диацәажәеит, иҟаз иеиҳәеит. Иудыруазар акәхап, еицны сара
сҿы инеит...
− Иуҳәарауааз, Алхас, ҳагәнаҳа агартә, иуҳәаруааз сма­
шьына еиқәшәам, усеиԥш амҩа сзықәлом ҳәа! – сааӷьаҵәыӷьаҵәит.
− Маџьгана дцаргьы, дыбӷалон. Егьа аԥышәа имазаргьы,
уаҟа ашофер акгьы илшомызт.
− Уи уара уусс иалааз, дыбӷаландаз, дҭахандаз...
− Сара смашьына уашәшәыроуп, амҩа уадаҩ, амҩа хара
иқәлартә иҟам анысҳәа, Маџьгана имашьына еиқәышәшәа
игылоуп, ацаԥха аанижьит. Убри ала уца ҳәа исыҳәеит.
− Даҽаӡәы имашьына сақәтәом уҳәазҭгьы...
− Мчыла срышьҭуамызт. Аха, уара ухаҭа уазхәыц, асы аур,
амҩа акыр, рахә гәарҭак... Убас дсыҳәеит аферма аиҳабы,
амҩа ақәымлашьа сымамызт.
− Ах, уаангылазҭгьы... Уаҵәы амҩа уқәлараны уахеиԥш,
Алхас, сара смыцәаӡакәа исыршеит. Зны сахьхәуан, сҩагыланы сцап, агараж сныҩналан, Маџьгана имашьына зынӡа
изымқәацо иҟасҵап, ари хаҵарам сҳәон... аха нас... Ашара
адәы ишаақәлаз, иахьа инаӡоит сгәырԥса, амра нҭашәаанӡа,
иԥсӡы ааҩып, сшьа кәапеила истап, сара сгәаҵәахы иашәи­ҵаз
ашәы, иҭынхацәа инаршәылап ҳәа... Ажәха смоуртә, аҵәыцақәак нҭасырԥҟан, абжьааԥны аасҭа, заа снеит агараж аҿы...
− Ижәны ушыҟаз, амашьына ааигәарагьы анеира азин шу­
мамызоума, уара, бзиа збаша, ушсышьҭала? Уажәоуп аб­ри
саназхәыц Алиас. Иџьасымшьеи, дабаанагеи, усс имоу­зеи ҳәа.
− Алхас, Алхас бзиа, Алхас қьиа... усеиԥш иџьоушьаша,
иузымдыруа акыр ыҟоуп. Иаасараӡа. Ашьшьы-шьшьыҳәа
саҵыҵыроуп сеидара. Суацәажәарц, Аԥсара сықәҵаанӡа,
зегьы уасҳәарц ӡбаны саналга, иаҳа сгәы ааҭынчхеит. Схы
сацәажәон, уара иухьхьоу иаҩызоума ауаа ирыхьқәахьоу,
иҟарҵахьоу. Иҟалаз ҟалеит, Анцәа иџьшьоуп, ԥсҭбарада
шәеилгеит, иухаршҭ ҳәа. Иауамызт. Сыбла иаахгылон улахь,
уӡамҩа иахьшьыз ашьа?.. Амашьына уҭҟьаны, анаара уаҿамҳазҭгьы...

Убаҩгьы ҳцәыӡуан. Ишысҳәоз... Ашьжьымҭан шаанӡа
снеит агараж аҟны. Ҳзавгар ибудкаҿы дтәан. Иџьеишьеит,
аха сқьаф шҭаз аниба, аҩны данзымтәа, даазаап игәахәт.
Ишимуаз агараж ашә аасыртит. Сахыццакуан абара уаҟа
ишыҵагылам Маџьгана имашьына.
− Ишәыҵалазеи, уара, аӡәы ашара адәы иқәлаанӡа даалап,
даҽаӡәы амра гылаанӡа агараж дыҵалеит, ианбыкәыз ау­
суразы ариаҟара шәаныфраҭқәаз, – дҟәындҟәындуан ҳгараж аҟарул.
− Ҳшоферцәа аӡәыр даахьоума? – снаиазҵааит исзымдыруашәа.
− Даахьоума закәызеи, уажәшьҭа Шәантәыла днеихьеит.
Асеиԥш амҩа хара дшықәлоз рдыруан, иаха амашьына
аҩныҟа ирҭар, даханы, шьапыла аранӡа дааны, аӡхыҵра
ҟалазшәа, ашацкыраз, реиҳа ацәа аныхаау сырҿыханы...
– Дгәамҵхамҵуан ҳгараж аҟарул. Уи усоуп дшыҟоу, даӷьуа,
иажәақәа ырџьбараноуп еснагь дышуацәажәо, ихы шьҭыхны,
шамаха, дуҿаԥшӡом, аха адунеи азна дуаҩ қьиоуп.
− Уара ацәа хаара уалихит, уи иашамкәа иҟаиҵагәышьеит,
аха иаргьы уизхәыци, иара изыҳәан имариазма шаанӡа,
хаҵеи-ԥҳәыси реиҳа рыгәқәа... Насгьы ма лара дзакә ԥҳәыс
ԥшӡоузеи, ашьыжь аԥсышәак ламҳәакәа... Ҳа-ҳа! Ицәгьоуп,
ицәгьоуп уԥҳәыс ԥшӡа аиарҭаҿы дааныжьны шаанӡа агылара! Аҩнынтәи шьапыла дахьааз ҳәа узҿу... Иаҳагьы
изеиӷьуп, ҳауа цқьак ифеит, амашьына атормоз ақәыӷәӷәара
азыҳәан иаҳагьы ишьапы аус ауа иҟалоит...
− Ҳаи, Алиасхеит, шаҟа иуаҭәамзеи иуҳәақәо. Усҿаҭәҳәеи,
ижәны уҟоума? Иухыԥсаар, уажәақәа урызхәыцыр, ухаҭа
иԥхоушьап. Арԥыск, қәлак изыҳәан иуҳәар акы иамусуп,
аха... Дуабзар ауеит. Абзиара ашьҭахь бзиара ыҟамзаап. Уара
узыҳәан аӡәы бааԥсык ааиҳәар, Алхас дырҿагылоит, уара
иара изыҳәан ҿҭыӡәӡәаала... Ҭфу! Усԥырҵ наҟ! – иҿанынаиха,
имахәар лҭарсны дхьасырԥшит. Цқьа исмаҳаз џьысшьеит.
Исмаҳау даҽа хьӡык иамхаҳәоу?
− Уаанҿас, уаанҿас... Алхас ииуазеи? Алхас имашьына
абан иахьгылоу. Ацәа уалан, Шәантәылаҟа ицаз Алхас иакәыз
џьушьеит. Маџьгана иоуп...

− Алхас иакәу, Маџьгана иакәу уара исурҵома!Сара
сакәым, аха ухаҭаҵәҟьа уоуп ацәа иалоу. Ацәажәашьа
ззымдыруа!
Саԥхьа дтәоу дтәаму схашҭуан, уимоу, сыблагьы цқьа
дабомызт изасҳәоз, Алхас. Игәасҭаз, агәашәахь днаԥшуан
уажәы-уажәы. Аӡәы иаҳар иҭахымызт исҳәоз.
− Сара сзымцарыз Шәантәылаҟа, Маџьгана иеицәа
иныҟәысцома амашьына? – иҳәеит.
Сажәа инацысҵеит. Ирласны иҳәаны сцар акәын.
− Маџьгана имашьынала уара ушцаз аныздыр, Алхас,
сшыҟалаз уасҳәар... Аԥхыӡ ҿаасҭа иалҵыз сиҩызахеит. Изакә
цәгьароу... Мап, изакә хаҵарам иҟасҵаз, изакә хәымгароу
иккаӡа исзаатит. Убасҟан сааигәара дгылазҭгьы иара, Маџьгана ихаҭа, зегьы наиаҳәаны, саҭаумҵан, сеиқәырха,
сыԥсы ҿых ҳәа сиашьапкуан, аха уи дабаҟаз! Ажра зжуа
иԥа дҭаҳауеит ҳәа, уара Алхас, уара, ҳгараж аҿы реиҳа
пату зқәысҵоз, реиҳа зыбзиарақәа сыдыз!.. Ҳгараж аҟарул
схы аҭыԥ иқәҟьаз џьишьеит. Схы кны сыҩит, раԥхьа избаз
машьынак ахь. Сушьҭалеит.
− Уаанҿас, Алиас, уаанҿас... – агәра изгомызт макьанагьы
Алхас. – Сара сызлацаз амашьына шыбӷалоз удыруазма?
Схаҿы исзаагом...
− Анаара уанынҭала... Уара, аԥышәа ду змоу арныҟәаҩ...
− Атормоз аҿҟьартә... Аҩы ижәуеит, амашьына дақәышәх
ахьиҳәаз азыҳәан Маџьгана дҭаурхарц...
− Сара сынасыԥ ҿаҟәаны!.. – снапала инеихасыџьгәеит
сқьышәқәа. Ҳәарада, амашьына арныҟәара насыԥс исыԥхьаӡоны, уи аруль аасымпыҵызхыз ашьа ҳабжьазар еиԥш, ӷас
дсыԥхьаӡошәа игәы иаанагеит Алхас.
− Схаҿы исзаагом, схаҿы исзаагом! – дҩагыларц далагеит.
Ихамҟәалоз ишьапы даханы инаиҵаиргылеит... Ицәеижьы
аҵкысгьы сажәақәа ицәыхьанҭахан, деизҟәыҿы днатәеит. Са­
ра сакәымкәа, дааҟәымҵӡакәа саб ихьӡ аҳәара даҿын. Ихьӡ
мацара, уаҳа акгьы ацымҵакәа. Дышԥеихылҵи абри иҩыза
аҵеи, ицәа шԥаԥиҽи иҳәозар акәхарын игәаныла. Инапы
иҟьеит наҟ усԥырҵ ҳәа. Баша ирҳәоит ауаҩы агәырӷьара
ани­моу ауп данԥышәырччо ҳәа. Дԥышәырччо даасыхәаԥшит

Алхас. Усеиԥш аԥышәырччара аҵкыс лабак рыхха дсысыр...
Сара сыҟаӡамшәа, сышьҭамҭа адунеи иқәбахьаны, ихала
заҵәык дтәоушәа, гәҭахәыцраны ус ҿааиҭит:
− Ҳаи, абри аҩыза смаҳакәа, сагьҭахаҵәҟьандаз. Баӡ
ауаҩы дишьит. Уи ибаргәызеи ари ашәыргәында иаасҭа. Диаша диашам, ахьӡи ахьымӡӷи ҳәа хлымӡаахрак рыбжьан Баӡ
иишьызи иареи. – Дышԥаухәаԥшри, цәала-жьыла мацара
акәымкәа, зыгәгьы ахәра ануҵаз. Даасыхәаԥшит.
− Уара?!..Аҩы мыжда иԥырхагоуп акәымзар, уаҩышьалагьы
аӡәы ишьҭахь дгыломызт, инапгьы ахьы аԥссоит ҳәа ззаҳ­
ҳәоз... Схаҿы исзаагом... Схаҿы исзаагом. Санбӷала... Уаанҿас, уаанҿас... Ииашаҵәҟьаны, анаара санынҭала, аҿеҩҳәа
атормоз ҩаҿҟьеит. Аруль сыххәыцра иаҟәыҵит. Сҭыԥеит акабина ашә еимԥааны, аха усҟан амашьына бӷалахьан. Сҭымԥазҭгьы, шә-ԥсык схазаргьы сынхомызт...
Алхас ихаҿы иааганы, иҟалаз дахьынӡазхәыцуаз, иаалырҟьаны исҿыҵҟьеит, Адица, уаанӡа сыбжьы ҭыганы исымҳәацыз:
− Иуӷраԥало уиӷраԥалароуп, мамзар ауаа ршьапы уаҵаҟьацуеит... – Баша иҳәаз ажәақәан. Урҭ сара сырзыхьчомызт.
– Иџьоушьа-лакәушьаргьы, Алхас, ууаҩыбжаха, улаба науҵшьуа адәы уқәсырхеит... Анцәа иџьшьоуп, уԥсы еиқәхеит.
− Шаҟантә сазхәыцхьаз,санбӷала,ашәанцәа алаба санҵаны
санааҭыргаҵәҟьа, абраҟа дабаанагеи ҳәа... ҳмашьынала
уахьнеиз... Дабаҟаз, дабацоз, ҟауар аагара иара дцозҭгьы,
сара сзишьҭуаз, иара дцарауаз сҳәахуеит, – дцәажәон
гәҭахәыцрала. Иаразнакҵәҟьа сгыланы сызцомызт. Исҳәашаз ажәақәа зегьы сырмазеихьан, аха иҳәаны сшаалгалак
иҟасҵаша... Сыԥсы алеивызгарц, даҽакы цәырызгеит, иара
иаҳа-имаҳа агәхьаа мкыкәа... Схала саныҟоугьы шаҟантә
исгәалашәахьаз уи.
− Ашәарыцараҿы исыхьхьоу ҳәа ажәабжьк иҳәалоит саб,
– аԥсы дыззыкҿоу иԥышәырччара еиԥшха, ԥышәырччарак
мчыла сқьышә инықәысҵан, иаҳа ҭынч ҿаасҭит. – Ҳаҩны
иачычазаап ахьшь. Акәтрыхьшь. Уи анучыча, абгахәыҷы
аҵкыс еицәоуп. Аҽӡаны ҵлак инықәтәон. Уаҩы даныҟам ина-

қәыршәаны, инышьҭасны иагон акәҷарақәа. Саб дахаҩазаап.
Иахьықәтәац, абард еилачыраҿы иааины инықәтәеит ахьшь.
Деихсырц, ишәақь анаахаиршалоз, дгәанамҭазар акәхап,
аџьал ааины, аблақәа хырку, ажәҩан иалхәхәа иԥырны
иаакылсын, ахьшь нықәнацан, амахә инықәтәеит ԥсаатәк.
Инацәа аҵакны, ашәақь днаҵхеит. Хланҵы инҭалеит. Исшьыз
закәызеи ҳәа днеизар, аҳәыҳә агәы ҵыблааны икаршәуп.
Адунеихаан цәгьара ҟазымҵац аԥсаатә ҟәымшәышә... –
схаҭагьы издыруан исҳәоз шыԥсажәаз.
− Уара уаб, дзышьҭаӡамыз ишьызаргьы, ма дзышьҭаз им­
дыруаз. Икәҷарақәа афон ахьшь, дыхнарҵәон. Агәаӷ иман.
Уара, уанаџьалбеит, душьыртә аҟара...
Иауамызт, убас акы сҿанаҳәон, иаахтны, зегьы ирдыруа...–
Ус акәыз, сшәыргәындоуп ҳәа иудыруаз... Аҩы ыжәны дақә­
тәоит ҳәа, аизара ҟаҵаны, амашьына санақәырхуаз, раԥхьа
ажәа иара ииҳәаз, ианажьра сылымшеит. Усоуп ишудыруа.
Ус иудыруаз, уи бзиоуп. Егьирахь иҳабжьоу уара изуҭахузеи,
Алхас.
− Иҟазар акәхап исзымдыруа џьара акы. Аха асеиԥш
ҟауҵарц азыҳәан, ма хьымӡӷы бааԥсык уиргахьазароуп,
мам­заргьы ашьа шәыбжьазароуп. Усоуп аԥсараа ишаадыр­
уаз жәытәнатәаахыс. – Ҿымҭ дтәан. Ацашьа сақәшәомызт. –
Аҟәа ахәышәтәырҭаҿы санноуга, санышьҭоуҵа, шаҟа усыд­
гьежьылоз, сахьынӡашьҭаз, лассы-лассы унеиуа, аҳақьымцәа
аҳамҭақәа рзыҟаҵо... Алиас иакәзаарын сара ҭынхас исымаз
сҳәахуан... Ауаҩытәыҩса мыжда дышшоу, дзакәу, иҩныҵҟа
иӷроу, сара рыцҳа сакәым, дызшаз ихаҭагьы дизымдыруазар
ҟалап... – избон сиԥырҵыр шиҭахыз. Аха, сара, бара ибҳәан
еиԥш, аегоист, сеидара саҵыҵыр акәын.
− Ашьацҳәа исҳаз, Алхас, уара, изхараӡамыз уаҿашәеит.
Иҟасҵаз убеит. Даҽакгьы уасҳәап. Шьыжьы, хәылԥазы, ишудыруа, агараж аҿы ҳаиқәшәоит Маџьганеи сареи. Уара абас
узызуаанӡа, анасыԥ иҿықәыҳәҳә Маџьгана агараж аҟны
даннеилак, сара сшьара сықәҟьон. Цәгьала схы ныскылон,
имҩанысымҵарц ма ажьаҳәа, мамзаргьы абруқәа рырҵәига
ацаԥха...
− Абасҟак агәаӷ... Арахь иунымԥшӡо...
− Исыздыруам, Алхас, исылҵны ицаз, аха уара уанбӷала

ашьҭахь, Маџьгана иаҳагьы игәаӷ акра ацымхәрас, ихоуҵару,
сгәаҵа иҭаӡыҭит агәаӷ. Исыздыруам, исзеилкаауам изакә
мца ԥхарроу уи аҵааршә иадшылаз. Схаҭа иџьасшьон
изакә аԥсышәаҳәашьоу иҵызгаз. Уаҟагьы саанымгылеит.
Исгәалашәеит зны схала исеиҳәахьаз. «Маџьгана, – сҳәан,
ҿаасҭит ҽнак, – иугәалашәома, уара уҿы сара хара шсымам
еилукаап мышкызны ҳәа соуҳәахьан?» – снаиазҵааит. Хаш­
ҭшьас имаз. «Уажәоуп убри схаҿы ианааи». Иаргьы деи­
гәырӷьеит. Агараж дшааҵалалак, имашьына акыр агзар,
ԥаса дышсыргәаҟлоз еиԥш акәымкәа, иаарласны, сацклаԥшны изыҟасҵон. Исылаӡамыз амҵахырхәара, сыблақәа
ирхыҳәҳәыла ирхылеит. Уара, Алхас, ахәышәтәырҭа уҭыҵит,
апенсиа урҭеит. Иҟалаз аԥсараа ирхашҭит. Аха сара? Агәаӷ
ииасит схаҭа сышҟа, Алхас. Шьыжьы, хәылԥазы агараж аҿы
Маџьгана дшаазбалак, уара сыбла уаахгылон. Схы-сгәы ах­
шәо салагеит. Иара, Маџьгана, ҳаинышәаны ҳалгеит анигәахә,
иналаршә-ҩаларшәны иҭаацәа рыӡбахә далацәажәон. Еиҳарак гәахәарала иҳәон, иԥҳәыс Адица, лыԥҳаԥсацәеи лареи
бзиа ишеибабо, лара илыхшазшәа ишылзыҟоу. Ари мызкы, ари
ҩымз... Уара убӷалашьа шыҟалаз, имашәырым ҳәа гәҩарас
ир­кындаз, еилыркаандаз, сҭаркрын, исхызгарын, схынҳәрын,
уинахыс сеидара сацәцарын сгәахәуан зны, ҽазны исыӡбуан
ауаа унысҵап ҳәа. Иуарҳәарын...
– Уи сара иабасыхәоз?
– Уаҳа иҟасҵарыз? Ажәытәан, иудыруеит, ашьашәара ҳәа
акы ыҟан...
– Сшьапы ахә ушәар... – уажәы зынӡаск даҽа ԥышәырччарак ала дааԥышәырччеит. – Шаҟа иаԥсоузеишь, интерес­
но, сшьапы? – Дҩагылеит, шьаҿақәак днасԥырҵт, иқәысҵаз
аидара аницәыхьанҭаха, дааҭгылеит. – Ҳаи, шәанаџьалбеит,
абасҟак аби ԥеи еиԥшымкәа... – Абри ажәа иҳәаанӡа,
Ади­ца, саргьы сгәы иҭашәахьан, саб иасҳәандаз ҳәа. Уи
дҳаб­жьаҟазазҭгьы, зегьы ирманшәалон. Шаҟаҩы ирҳәо
саҳахьоузеи, саб ииҳәаз даххәыцызҭгьы, Аруҭан иахьагьы
иԥсы ҭазаарын, Баӡгьы абахҭа дҭатәомызт ҳәа. Иасҳәар
акәын саб...

Сизыԥшын. Исаҳәа, гәшаҭара ҟаумҵан, исаҳәа исықәнаго.
Уара узыҳәан аҵкысгьы, сара сзы игәырдагахоит.
Иухәҭоу, ламысла иурҳаз аҽхәаԥхьыӡ умаҳар аҵкысгьы
еицәазаап, иуқәнаго ажәа цәаԥҽыгақәа уаҳәараҵәҟьа иаԥ­
сам ҳәа, уламыс уаназынрыжьуа. Инапы неиҟьан, наҟ усԥырҵ
ҳәа насирбеит Алхас. Убри аамҭазы сқьышә иаақәыххит,
сыҳәҳәаны ҿысҭып: «Уара иуздыруам, Алхас, Маџьгана сара
исзиухьоу. Сара сеиԥш уара уирҳәындаз, ихаҭагьы душьуан,
иҩнгьы амца ацроуҵон!»
Иҟаларын, Адица, ауаатәыҩса ргәы иҭоу зегьы аҳәара
рылшозҭгьы адунеи даҽакхаргьы. Ахаҵа иаҭәам маӡала
дкылатәан ахысра... Аха егьи, иаахтны, ҳазхибарҟьаз зегьы
ирдыруа... Усҟан раԥхьаӡа бара бхаҭа исзыбҳәон анаԥхаҩы
ҳәа...
Ашьшьыҳәа иџьыба дынҭалеит Алхас. Иааҭигеит иҷкәын
астудент изыҳәан исҭаз аԥарақәа. Сара сышҟа дхьамԥшӡа­
кәа, иршәны инасымҵеиԥсеит.
Аԥсара санықәҵуаз аҽны...
Ашәҟәы бзыҩра, бацәажәара сшаҿыз, еиҭах скарандашь
стетрад инаӷраҵаны, сыстол амгәа инҭасымҵар амуит.
Ақды дуӡӡақәа аманы иааит амашьына. Урҭ ашәҵлақәа
здукыларызеи! Бгәы иалымсуазар... Зҭәымҭа иҭагылоу аԥҳәыс ԥшӡа лцәа-лжьы... Ишкәакәаӡа, иҟәымшәышәӡа...
Рцәа­қәа ирҭыԥхаауа... Инарҳәы-аарҳәуа игәаҳҭоит ахьархь
иаҿаҳҵаанӡа. Ауаҩы ихәра ахьӷьаз ашәахсҭа аҭыԥи, ашәҵла ахымҩас ахьақәшәаз, ажьҿа ахьаази даара еиԥшуп.
Аҽеикәарҳәны, ажьы ҭашәашәаӡа. Иааҭаԥҟаны ахы алрымхыр, ахьархь ацқәа ааԥнаҵәоит. Хык алаҳхцыԥхьаӡа, аибашьра иалахәыз надеизалоит.
− Ари ҳара ҳаибашьыҩцәа иҭдырҟьаз хымҩасуп.
− Уаангылишь, рхы иҭашәартә, афашистцәа иртәу хызаҵәуп, уажә избама...
− Аҵла деиқәнархеит еибашьҩык, – иныхиркәшоит аӡәы.
Ашоферцәа ццакуеит. Иааргаз ақыдқәа али-ԥси рыла
инкажьны, аԥсҭаҟа ихынҳәыроуп. Усоуп урҭ ирусушьоу. Шьыбжьаанӡа, аԥсҭақәа рахьынтә, аидара иаҵақь, азауад ахь

иаауеит, ашьыбжьышьҭахь рышьҭахьҟа ихынҳәуеит, уаха
рыԥхьара ргарц. Ус ҟарымҵар, мышкала ицаны изаауам,
насгьы џьара-џьара амаақәа рҿы амашьынақәа зеивысуам.
Аус анызымуаз, уахык, сыԥхьара сыманы, издыруаз шоферк
снаиватәан сиццеит. Избар сҭахын. Мап, саналага, егьа сланарҟәыргьы, зегьы сҳәап. Ашьхақәа сара сзыҳәан, Адица,
иԥсеиқәырхагоуп, ҽазны ибасҳәап урҭ рыла сшеиқәхаз.
Аҳауа ахьузымхо, уԥсы ахьҟәыкуа уадак уҩнакызар, аԥсеивгаразы адәахьы ушындәылҵуеиԥш, мызкаҟара уажәаԥхьа,
зегьы сзеилалан, гәхьаагәыкраха исысит. Ҳзауад аклуб аҿы
акино ааргалоит. Иналаршә-ҩаларшәны артистцәагьы аамҩахыҵлоит. Ашәҟәқәагьы, урҭгьы иамуит, акгьы смыхәо
салагеит. Петрович инаисҭан Дамшә, сабшак ауха, фатәқәак
жәтәқәак аашьҭыхны, сцеит ашьхаҟа, абна ахьԥырҟо.
Басла ацҳа ҳҩықәсны, Аҟәа ҳҩалсит. Ҳҿылаҳхеит аӡык
рыбжьара, Аҟәа-ГЕС ахьҭагылоу шыҟоу. Ҳцоит, ҳцоит, иақәым амҩа ҵыхәаԥҵәара. Ԥсҳәы ақыҭа, агаҿа аганахьала
иаҽԥынгылоу ашьха Дау ашьапаҿы ҳаҩкылсит. Уаҟа абнаԥҟаҩцәа ақьалақәа ргыланы ирымоуп. Изакә наарақәоу
иаҿаланы аҵлақәа ахьԥырҟо, атрақторқәа арханы ианылбаарго, шаҟа ишәарҭоу, ашьҭыхга кранқәа... Иџьоушьаша рацәоуп, аха, Адица, зегь реиҳа уамашәа избаз амҩоуп. Ҳанцо
ҩадараны ҳахьхалоз, насгьы амашьына ахьыласыз акәу,
уиаҟара хырҩа азызмуӡеит. Ҩажәихәба, ҩажәижәаба тонна
аидара лақәҵаны, ихынҳәны амҩа ианаақәлалак, убасеиԥш
мҩақәак ирҿысуеит... Ганкахьала ацаҟьа иадыӷәӷәалоит,
уажәы-уажә инахькьысуеит, егьирахьтәи аганахь унаԥшыр,
иахьысҳәогьы, сыхлахаҵ гьежьуеит... Акабина схы нҭырҳәҳәан, агьежьқәа снарыхәаԥшит. Агьежьқәа ҩба рахьтә
руак, адгьыл иқәымкьысӡо, аҳауа иалакнаҳан. Есҽны зыԥсҭазаара ашәарҭа иҭагылоу ауаҩы дашьцылоиҭ, иашоуп, аха
данашьцылалакоуп иаҳагьы данҭахо. Сара сызцыз ашофер
ашәаразы дшәомызт, аха иблақәа ирхызбаалон, амашьына
атормоз аннамҟьа, акабина аҭыԥаразы дшыхиаз. Иухауршҭыр,
аԥара ишыднарҟаҵо, иухауршҭыр, абна ахьықәырхуа изакә
ԥырхага дуу, абна ҭызго ашоферцәа, зегьы ргәышԥқәа рҿы
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 04
  • Büleklär
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3316
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2349
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3340
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2352
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3345
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2250
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3328
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2316
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3385
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2344
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3340
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2306
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3345
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2368
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3324
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2290
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3285
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2281
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3325
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2308
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3339
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2313
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3318
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2348
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3280
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2285
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3350
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2310
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3316
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2353
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3308
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2351
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3323
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2369
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3363
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2349
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 19
    Süzlärneñ gomumi sanı 3351
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2342
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 20
    Süzlärneñ gomumi sanı 3304
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2412
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 21
    Süzlärneñ gomumi sanı 3400
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2398
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 22
    Süzlärneñ gomumi sanı 3355
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2328
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 23
    Süzlärneñ gomumi sanı 3464
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2309
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 24
    Süzlärneñ gomumi sanı 4490
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1950
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 25
    Süzlärneñ gomumi sanı 4507
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1947
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 26
    Süzlärneñ gomumi sanı 4637
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1904
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 27
    Süzlärneñ gomumi sanı 3881
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2004
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 28
    Süzlärneñ gomumi sanı 3326
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2241
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 29
    Süzlärneñ gomumi sanı 3292
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2241
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 30
    Süzlärneñ gomumi sanı 3355
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2227
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 31
    Süzlärneñ gomumi sanı 3411
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2257
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 32
    Süzlärneñ gomumi sanı 3351
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2322
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 33
    Süzlärneñ gomumi sanı 3328
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2331
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 34
    Süzlärneñ gomumi sanı 3423
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2326
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 35
    Süzlärneñ gomumi sanı 3404
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2300
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Аҩбатәи атом - 36
    Süzlärneñ gomumi sanı 813
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 627