Latin

Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 42

Süzlärneñ gomumi sanı 3265
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2139
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
ажәабжь ҳжурнал аҟны кьыԥхьшьа шамам, – лҳәеит Инна, –
ҳнеихәаԥшы-ааихәаԥшын, ҳааԥышәарччеит.
– Гелии, иумдыруеи убаҩхатәра шаҟа ҳаҭыр ақәысҵо,
иум­дыруеи ухатәы ҩымҭақәа, кьыԥхьшьа змақәамгьы иаасу
ҭахьоу зегьы сшаԥхьахьоу?! Ишәабжьызгоит маӡала, ҳаам­
ҭазтәи ажурналқәа зегьы реиҳа агәаӷьра злоу ажурнал «Новый мир» ауп, ижәдыруеит изыбзоуроу Л. Т. Твардовски
иоуп. Ижәымдыруеи, Александыр Солженицыни, Фазиль Искандери ӡырызгаз иара иоуп. Ихԥша даара иӷәӷәоуп. Ҳара
ҳжурнал «Дружба народов» иаҳа иалкааны иашьклаԥшуеит,
шьаҿацыԥхьаӡа шьапҿаршә ҳзыруеит, – лхы насықәкны,
– шәара ҳаҭыр ду шәықәсҵоит, ҳредактор хада Баруздин
ишәҭахызар даԥхьарц исҭап? Схатәы гәаанагара даҽазнык
ишәасҳәап иааркьаҿны: сахьаркыратә ҩымҭак аҳасабала
иреиӷьӡоу шәажәабжьқәа иреиуоуп, аха… Аха ишәымдыруеи
кьыԥхьшьа змам – асовет чынуаагьы ажәытәтәи ҭауадиаамсҭеи зынӡаск еиԥшуп, ахархь уаҩы иҭагылазаашьа
еицәамхазар еиӷьымхеит, шәажәабжь «Ахьча иҳаҭхәажә» Н.
В. Гоголь еицырдыруа иажәабжь «Шинель» аперсонаж хада
Акаки Акаки-иԥа иашьа гәакьа иоуп, – инарҳәы-аарҳәуа
дахәаԥшуеит сажәабжь дахӡыӡаауа.
– Адунеитә литература аҟны иреиӷьӡоу ажәабжьқәа иреиуоуп зыӡбахә шәҳәаз «Шинель». Изныкымкәа саԥхьахьеит,
аха Анцәа дшаҳаҭуп, сажәақәагь ианызыҩуаз зынӡаск
сазымхәыцӡеит «Шинель», аредактор хада иҭара аҭахым.
Шәара шәгәаанагара сара исызхоит, – сҳәеит.

– Сара издыруан ишышәымкьыԥхьуаз, аха еиҭазгеит, избанзар даара исгәаԥхеит, – иҳәеит ибласаркьа длаха-ҩахо
Гелии Ковалевич.
– Гелии, уара иумдыруеи, ухатәы ҩымҭақәа заҳамкьыԥхьуа?
– агәшаҭареи ҳаҭырлеи иҭәыз лажәақәа ианиалҳәа ашьҭахь,
сара сышҟа даахьаҳәын, – шәеиҭагаҩ Гелии Ковалевич, сыгәра
жәга, ҳаамҭазтәи аурыс шәҟәыҩҩцәа дыруаӡәкуп. Аӡәгьы
иашәымҳәан, – даанаԥшы-ааԥшын, лыбжьы рхәыҷны, – сара
агәра ганы сыҟоуп мышкызны Гелии иҩымҭақәа акьыԥхьра
ишалаго Урыстәыла. Аҳәаанхыҵҟа ишьҭыр еимҵәаны
иркьыԥхьуеит.
– Исарҳәахьеит, уажәабжьқәа ҳаҭ, шәыҟә дук ҭҳажьуеит
Лондон ҳәа. Аха ирысҭар, сара араҟа исзаарго бымдыруеи,
Инна? – иҳәеит, иажәақәа хьаала иҭәны, нас дгәамҵхамҵуа
даалеиҩеин, – Инна, бара ибымдыруеи шаҟа ҳаҭыр бықәысҵо,
иҭабуп есқьынагьы сгәы зырӷәӷәаша ажәақәа ахьсабҳәо,
– нас ҩынтәгьы – хынтәгьы игәы дынҭасын, – Урыстәылада
ԥсҭазаара сымам.
– Инна Андреи-иԥҳа, сҩыза ду Гелии изыҳәан шәара
ишәҳәаз, убасҵәҟьа сеиҳәахьеит Валери Николаи-иԥа Ганичев, ажурнал «Молодая гвардия» аредактор хада. Уара
уҩымҭақәа ибзианы еиҭеигоит, ихаҭагьы ажәабжь ссирқәа
иҩуеит, аха даҳкьыԥхьӡом, – сҳәеит.
– Ҳара ҳакәым, Михаил Александр-иԥа Шолохов дуӡӡа
илымшеит Гелии иҩымҭақәа ркьыԥхьра, – лҳәеит Инна
Андреи-иԥҳа.
– Сажәабжьқәа рысҭеит ажурнал «Москва» аредактор ихаҭа диҳәаны Шолохов ииҭеит даԥхьарц, акьыԥхьра
азы­ҳәан ажәақәак иҩырц. Рызегьы дрыԥхьеит, «Хымԥада
икьыԥхьтәуп», – ҳәа иҩны, инапы анҵаны ириҭеит, – инациҵеит
игәгьы ԥыжәжәо Гелии, – атипографиахь ирышьҭит, аномер
аҟны иқәдыргылеит. Аверсткақәа срыԥхьеит. Аномер ҭыҵит,
сажәабжьқәа акы заҵәыкгьы анымлаӡеит. Маӡа дук сҳәозшәа
хьаала иҭәны:
«Умом Россию не понять…» апоет ду иажәақәа инацылҵеит
Инна Андреи-иԥҳа:

«У ней особенная стать
В Россию можно только верить»,
гәышьҭыхрыла арҭ ажәақәа анылҳәа ашьҭахь:
– Сҩызцәа бзиақәа, шәааи, абас ҟаҳҵап. Ари ажәабжь, –
ишикыц икуп сажәабжь, – арахь иаажәгазар, сара сшаԥхьаз
ажәак мҳәакәа, инаганы ирышәҭ ажурнал «Новый мир». Аредактор хада Твардовски ихԥша даара иҳаракуп. Александр
Трифон-иԥа СССР ашәҟәыҩҩцәа реидгыла амаӡаныҟәгаҩцәа
дыруаӡәкуп, ЦК КПСС далахәылоуп, ԥшьынтә Иосиф
Виссарион-иԥа ихьӡ зху апремиақәа ианаршьахьеит. Кремль
ашҟа иара изыҳәан агәашә аартуп, – лхы насықәылкын,
– шәара шәхаҭа шәнеины, ихаҭа ишәҭ, урыс бызшәала
иҭымҵхьеи шәышәҟәык?
– Ҩбагьы…
– Твардовски ҳамҭас иҭ ушәҟәы. Фазиль Искандер уара
узыҳәан иҩыз зну, – иҳәеит Гелии.
– О, уи ибзиаӡаны иуҳәеит! – дааигәырӷьаны ҿаалҭит
Инна. Ԥсабарала ус дыҟан лара, баҩхатәра бзиак здылбалаз,
иаалылшоз зегьы ҟалҵон ицхраара азыҳәан, убас даараӡа
дицхраауан, иҩымҭақәа ркьыԥхьраан Темур Пулатов, иареи
сареи аиҩызарагьы ҳабжьазҵаз лара лоуп.
Ҩажәак еихысҳәаалоит.
Ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа, ҳаибашьыҩцәа ахьгылаз Очамчыра араион Лабра ақыҭан снанагеит. Раԥхьа снеит Кама
Лашәриа лкоманда ахьгылаз. Уи, алегендартә, аԥсуаа рҳәашьа
ахаҵамԥҳәыс, алегендартә фырхацәа ирывагылаша аҭыԥҳа
лкоманда далан сыҷкәын Дауҭ. Сааҭк аҟара ҳанеицәажәа, сцеит даҽа позициак ахьгылаз ашҟа урҭ «апушкетиорцәа» – абзарбзан Лабра ахәы иқәыргыланы, ақырҭуа нацистцәа рыштаб ахьыҟаз Араду иалахысуан. Иҟан хәҩык. Командирс дыҟан
Реваз Тапаӷәуа. Уи ихьӡ саҳахьан аибашьра ҟалаанӡагьы. Сан
лаҳәшьа гәакьа Агрофена лмаҭа Алхас Шьаҟрыли иареи 1989
шықәсазы, ақырҭқәеи аԥсуааи анибарҵәара аҟынӡа ҳнеины
ҳаныҟаз, Ревази Алхаси, зынӡаск иқәыԥшӡаз арԥарцәа убас
рхы аадырԥшит, ажәлар ирзырҳәахьан афырхацәақәа ҳәа.
Ирбаандаҩны зны Қырҭтәыла иҭакын, ашьҭахь Урыстәылаҟа
ииаганы Краснодар абахҭа иахьҭакызынтәи, ибналан абна ила-

леит. Сызлацәажәо аибашьраан аҩыџьегьы командирцәас иҟан.
Ишысҳәаз еиԥш, Реваз икоманда иахьгылаз саннеи, иаразнак дсазҵааит, деибгоума, дышԥаҟоу сашьа Шьаҟрыл ҳәа.
Дара ииашаҵәҟьан еишьцәас иеибаҟаҵахьан.
– Деибашьуеит, иӡбахә ибзианы исаҳауеит, – сҳәеит.
Аиашаҵәҟьа ахьиасымҳәаз, саанызкылаз иахьагьы цқьа исзеилымкаацт. Алхас Шьаҟрыл дҭахахьан.
Уаҩҵас аԥсшәа еибаҳҳәаанӡа ҳаӷацәа ааҳакәшеит.
Ҩыџьа ршьит. Реваз Тапаӷәуеи абырг Алиоша Шьанааи даара
иӷәӷәаны ирхәит. Сара автомат ашьхәала схы иасны, сыԥсы
маҷханы сырҳәазаны сыргеит.
Ажәакала, сытҟәаны сыргеит. Уи зхысҳәаауа, сеиқәырхара
азыҳәан, Темур Пулатов, усҟан адунеи аҟны еицырдыруа
шәҟәыҩҩны иҟалахьаз, насгьы СНГ ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла
напхгаҩыс дыҟан. Даҽа шәҟәыҩҩцәақәак, иаҳҳәап, Леонид
Леонов, Сергеи Михалков, Алим Кешеков, Владимир Солоухин, Азаҭ Абдулин, Мустан Карим, Иаков Козловски, Николаи
Доризо, Михаил Алексеев уҳәа рнапы аҵаҩны ателеграмма
рышьҭит Е. А. Шеварднаӡе ихьӡала соурышьҭырц азыҳәан.
Убри сеиқәырхара лџьабаа адын, имаҷӡаҩны ауаа дыздыруаз, арахь аӡәырҩы ирыцхраахьаз Инна Андреи-иԥҳа Сергеева. Ус иҟаз ауаа хымԥада, ибзианы идыруан, убри азыҳәаноуп
анцәахшақәа, ажәҩан аҟынӡа ихагаланы ашәа зырзиҳәоз
апоет ду Николаи Некрасов. Иара иоуп изҩыз еицырдыруа
ацәаҳәақәа: «Урыстәыла рыжәҩа иқәуп аурыс ҳәсақәа».
Ҳазыхынҳәып уаанӡа ҳазлацәажәоз. Инна Андреи-иԥҳаи
Гелии Ковалевичи ишсабжьыргаз убас иҟасҵеит.
А. Т. Твардовски икабинет ҭбааҭыцә аҟны санидикыла, аԥс­
шәақәа анааибаҳҳәа:
– Шәаангыл… шәаангыл, – даахәыцхәыцын, скылкааны
дсыхәаԥшуа, – ус ҿааиҭит, – арԥыс, џьара узбахьоушәа?.. –
сахьтәаша акресла ансирба, сыгәжәажәара снапаҿы иааганы,
сҽаарҭынчны:
– Александыр Трифон-иԥа, шәареи сареи ҳаибаирдырит
Баграт Васили-иԥа Шьынқәба. Иԥсы ишьон, насгьы иҩымҭа ду
«Ахра ашәа» аҩра даҿын Переделкино. Даабарц, ҳиацәажәарц
ҳнеит сҩызаки сареи. Ҳара алитературатә институт ҳҭан.

Иуадаҟны ҳтәаны ҳшеицәажәоз, шәара шәааҩналеит. Ажәа
ҳаракқәа ҳзиҳәан ҳаибаирдырит. Шәара шәызнеиз, иашәҳәаз
ажәак бжьамыжькәа исгәалашәоит, – анысҳәа, иааџьеишьан,
дԥышәарччо: Бзамыҟәрак сҳәазар?.. Избанзар, Баграти сареи алаф бзамыҟәқәагьы еибаҳҳәалоит, убасҟак ҳаҭыр
еиқәаҳҵоит, исхамшҭыша ажәақәа, – шәара, аԥсуаа мацара
шәакәым, ҳазегь даҳтәуп, дпоет дуӡӡоуп, нас, нас исашәҳәеи
Баграт иуадаҟны саннеи исҳәаз?»
– Ишәҳәаз ажәақәа асовет литература аҭоурых ианылаша
ажәақәоуп. Ишәгәаласыршәап. «Баграт Васильевич, уаҵәы
асааҭ жәаба рзыҳәан, Пушкин ихьӡ зху ашҭа аганаҿы, игылоуп агазеҭ ҿыцқәеи ажурналқәеи ахьырҭиуа. Аҭира азыҳәан
инаргоит ҳжурнал ҿыц «Новый мир». Уи акьыԥхьра азыҳәан
аџьабаа иадызбалаз даҽазны иуасҳәап. Убри аномер ҿыц
данысҵеит, шамахамзар, аӡәымзар аӡәгьы изымдыруа
ашәҟәыҩҩы Александыр Солженицын. Уаҟа иануп иповест
«Один день Ивана Денисовича». Иацны инаргоит агазеҭ «Известиа». Убраҟа иануп Солженицын иповест иазку Константин
Симонов инеиҵыху истатиа.
– Ииашоуп, ииашоуп, исгәалашәеит.
– Исгәаласыршәап Баграт ишшәеиҳәаз: «Симонов астатиа
иҩыртә, ҳәарада, еиҿызкааз шәара шәоуп», – саҭашәымҵан
сажәа ахьырацәоу. Ахшыҩҵак сымҳәар сгәы иауам. А.
И. Солженицын иповест «Один день Ивана Денисовича»
ианышәкьыԥхь инаркны, Александр Трафим-иԥа, асоветтә литература зынӡаск даҽа мҩак ианылеит. Ианылеит аиашаҵәҟьа
аҩра амҩа.
– Константин Симонови сареи ҳнапы аҵаҩны иҳашьҭит
ашәҟәы Солженицын Ленинтә премиа ианаршьарц. Иамуит,
ирымҭеит. Сволочи!
– Саҭашәымҵан, аамҭа шәцәызгоит, аха даҽак шәасҳәар
сҭахуп. Баграт Шьынқәба ианиашәҳәаз адырҩаҽны, акиоск аадыртаанӡа сҩызцәеи сареи ҳцеит ажурнали агазеҭи
ааҳхәарацы. Ишәаҳахьазар акәхап, аха сыблала избаз
шәасымҳәар сгәы иауам. Ҳара ҳаннеи, шәҩыла ауаа еизахьан. Агәаран ҳақәгылан сааҭк аиҳагьы. Ажурналгьы, Симонов истатиа зныз агазеҭ «Известиагьы» еидкыланы иааргон.
Ианынҵәалак иҵегь ааргон, – сҳәеит.

Ихазы иҳәозшәа:
– Ауаа ргәы ахшәахьеит ҳлитература, изыхҟьо амц­
ҳәароуп, – иҳәеит. Исҭаз сышәҟәы хәыҷы «Белый огонь»
днахәаԥш-аахәаԥшит, – шәышәҟәы ахьӡ очень оригинально, – аниҳәа, иасҳәеит уи ахьӡ сара ишысымӡбыз, нас
изеиҭасҳәеит иахьынтәаауа. Ажәытәан, Аԥсны ахьаҵлақәа
даара ианырацәаз, иԥҟаны еихаргыланы, агәараандақәа
ҟарҵон. Ианажәлак ацәа ахабаауан. Ақәа, амра, аԥша еицхырааны идрыцқьон. Акыр жәашықәса ннаҵуан. Убри ала амца
еиқәуҵар, иахылҵуа амца аԥштәы шкәакәахоит.
Даара дазҿлымҳаны дазыӡырҩуан.
– Абыржәы, Аԥсны џьаракыр иаанханы иҟоу убасеиԥш
агәараандақәа?
– Ашьха қыҭақәа рҿы уаҩы иԥшаауеит, ақыдқәа реиԥш
еиқәҵаны аандақәа ахьыҟаҵоу. Аха еиҳарак иуԥылоит
ахәархь ала ихны, арешоткақәа алхны аандақәа рчаԥоит.
Францыз ныҟәаҩык азеижәтәи ашәышықәсазы Аԥсны дыҟан.
Когда он увидел, что из каштана абхазы делают заборы, он
сказал: «Боже мой, до чего богатая страна. Из редчайшего
дерева каштана мы не можем делать сигаретные коробки, а
абхазы делают целые заборы».
– Ҳара, аурысқәагьы, шәара, аԥсуаагьы ҳзаашьо удыруоу,
молодой коллега? Аԥсабара ҳабжьнахит, амцхә ибеиоуп, –
иҵегь ажәақәак ҳәауа, сышәҟә хәыҷы иаартны дшахәаԥшуаз,
илаԥш иныҵашәеит сышәҟәы азыҳәан Фазиль Искандер
ииҩыз.
– Оҳо, шәара Фазиль бзиа шәибозаап! О, уи аума аҵа­
накуеит, – иҳәан, ашьҭахь, сажәабжь инарҳәы-аарҳәуа
днахәаԥшит. Изаамҭанутәи аномерқәа ҩба заа атипографиахь иҳашьҭхьеит. Абыржәы, убас ҳгәы иҭоуп, иааиуа номерк
ишеибгоу иазаҳкып ҳәа асовет шәҟәыҩҩцәа ражәабжьқәа.
Фазиль Искандергьы иҳаиҭахьеит, шәахьынхо адреси аҭели
ааншәыжь, апроза аиҳабы даԥхьоит, ишәзынаицҳауеит, –
иҳәан, дҩагылан бзиала ҳәа ҳанеиԥырҵуаз, – Баграт асалам
ду сызишәҭ, иашәҳәа, иҩымҭа ҿыцқәа ҳашрызԥшу.
Сгәырӷьара ду дахыччозаарын аҩысҭаа. Сажәабжь «Ахьча иҳаҭхәажә» адунеи аҿы еицырдыруа ажурнал «Новый

мир» ишаныло, аверстка аредактор хада инапы шаҵаиҩхьоу
ҳәа телефонла исаҳәаны, мышқәак ааҵхьаны, аԥошьҭала
исзаарышьҭит агонорар. Сара сыдагьы, имаҷҩымкәа Аԥсны
ашәҟәыҩҩцәа напаҵаҩрала ироуан ажурнал «Новый мир».
Бзиарас иҟасҵаз, даара исзааигәаз дарбанызаалак аӡәгьы
иасымҳәаӡеит сажәабжь шыркьыԥхьуа. Аиҭагаҩ Гелии Ковалевич дааҟәымҵӡакәа иҳәон: «Умҩа дуӡӡа шаатша иаатит.
Ари ажурнал адунеи зегьы иахыҵәоит!» – Игәырӷьара ҳәаа
амамызт. Ҳҩыџьегьы ҳамҵәыжәҩақәа ҿнаблааит «ҳҩыза»
ацензура, ахԥша иахшаз.
Ажурнал ҭыҵит, сажәабжь анӡамызт.
– Иҟалазеи? – сиазҵааит Гелии.
– Твардовски ихаҭа даԥхьахьан. Инапы аҵаиҩхьан, –
ҿааи­ҭит игәы каҳаны, ашьҭахь, ибжьы рдуны, ажәа џьбарақәа
нацҵаны, – Твардовски дуӡӡа имч ақәымхеит.
– Угәы ԥымжәан. Иҳалшагәышьои?!
– Иуасҳәахьеит. Сықәҵны сцон, аха Урыстәылада ԥсыхәа
сымаӡам. Иудыруеит, сара шьҭрала сбеларусуп. Сԥашәқәа
Урыстәыла иаларсуп, – иҳәон игәы ԥыжәжәо Гелии.
Игәыжьжьагоу ажәақәак наиаҳәаны, сиазҵааит:
– Агонорар урҭама?
– Исырҭахьеит. Ибзиангьы исырҭеит.
– Саргьы исзаарышьҭит. Аԥсны уанааилак, ҳҩыџьегьы
Твар­довски дныҳәаны, аҵәыцақәак аанаҳкылап.
– Ажәабжь рмышьҭит, аха шәара шәџьабаа азыҳәан авторгьы саргьы иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит, ашәҟәы ҩны аредакциа
аҟны снеины ирысҭеит. Уи иеиҳау ҳаамҭазтәи аурыс поет, –
ауаҩы дсыздыруам даҽаӡәы, – иҳәеит гәыкала Гелии.
– Иҟауҵаз даара иус бзиоуп. Зегьрыла уиашоуп. Иара изы­
ҳәан иуҳәаз, – сҳәеит.
Усҟан зынӡак схы иҭамшәацызт, шықәсқәак ҵхьаны, сроман «Ахаҳә зыршәуа» аҩра саналага, епиграфк аҳасабала, А.
Т. Твардовски иажәақәа шанысҵоз. Абар дара ажәақәа:
«С тропы своей ни в чём отступая,
Не отступая быть самим собой,
Так со своей управиться судьбой,

Чтоб в ней себя нашла судьба любая
И чью-то душу… боль».
Хшыҩҵакыла даара иҵаулоу арҭ ацәаҳәақәа ананысҵоз,
ирҿиамҭақәа ссирӡақәа рзыҳәан мацара акәым, уаҩԥсык
иаҳасабала, доуҳатә ԥызас исымаз Александр Трафим-иԥа
иԥсҭазаара далҵхьан. (1910 – 1971).
Аԥхьаҩ игәеиҭазар акәхап, ԥшра-сахьалагьы, гәыла-ԥсы­
лагьы адауаԥшь иҩызаз ахаҵа ду шаҟа имаҷӡаны ақәра
ниҵыз – 61 шықәса.
Адунеитәи алитературеи, амузыкеи, аҟазареи уҳәа зырбеиаз, иацрымҵуа иацу Урыстәыла арыцҳарақәа раԥхьа игылоуп, аҩсҭаа ичысхә мыжда – арыжәтә.
Изхысҳәаауа еилкаауп.
Схы иҭамшәацызт, сыԥхыӡгьы иаламшәацызт еиҭах, даҽа­
знык ҳшеиҿаҳауаз, шьапҿаршә дуӡӡа шизнауаз ахпаши,
амыж­дараз «ихшаз» асовет цензура.
Акырынтә сазхәыцхьеит асовет мчи ацензуреи реизы­
ҟазаашьа. Схаҿы иааилоит ҿырԥштәык. Дзыцәнымхаша ачымазара зыхьыз ан, лыхшара игәарҭеит илыхьыз изакә чымазараз. Ибзиаӡаны ирдыруеит ахәшә ран деиқәзырхо, аха ан
дзыхӡыӡаауа бзиа илбоз лыхшара, иаарҳәоз зегьы иаарҳәны
илаҳауан. А. Т. Твардовски изыҳәан уажәраанӡа исҳәаз «ауаҩ
ду» ҳәа исзырҳәаз иаазгарц сҭахуп, ибзиаӡаны издыруа фактк
– хҭыск, схаҭагьы даара исԥырхагахеит, исыцрасит.
А. Т. Твардовски, адунеи зегьы еицырдыруаз афизик П.
Л. Капицеи, Фазиль Искандери ЦК КПСС ашҟа ашәҟәы рҩит
ацензура иахҟьаны асовет наукеи, асовет литературеи даара иаԥырхагоуп, иаԥыргатәуп ҳәа. Иалшоз, ҳәарада, ирдыруан. А. Т. Твардовски дамырхит, А. П. Капица нхара диасит
Великобританиа, Ф. А. Искандер зегьынџьара имҩақәа ркит,
икьыԥхьра иаҟәыҵит.
Саргьы исыцрасит зысҳәаз, ашәҟәҭыжьырҭа «Молодая
гвардия» аҟны, 1968 шықәсазы иҭыҵраны иҟан сышәҟәы
«Аибашьра еилгахьан». Аԥхьажәа азиҩит Фазиль Искандер.
Уи сара сзыҳәан ԥсҭазааратә ҳамҭа дуӡӡан. Ашәҟәҭыжьырҭа
аҟынгьы, даараӡа еигәырӷьаны, атипографиахь ирышьҭит.
Усҟан ашәҟәы аҭыҵреи, аԥхьаҩи ирыбжьаз ацҳа зынӡаск

даҽакын. Ашәҟәы ҳәынҭқарратә усуп ҳәа иахәаԥшуан. Ашәҟәы
автори, аҳәынҭқарратә идеологиа хадеи еилибакаар, рызегьы ирзеиӷьхон. Аидеологиа аӡыргара, аларҵәара азыҳәан
мацара акәӡам. Ҩ-жьак ршьуан. Асовет шәҟәы тираж рацәала
иҭрыжьуан. Автор ирҭоз агонорар аҵкыс, акырӡа еиҳаны
аҳәынҭқарра иаланагалон аԥара ду. Иҟан даҽа закәанк.
Ашәҟәы иаланагалоз аԥара зегьы аҟнытә жәапроцентк
алитературатә банк иҭалон.
Убарҭ аԥарақәа рыла идыргылон арҿиаратә ҩнқәа. Иаҳ­
ҳәап, Латвиа, аҳабла Иурмала аҟны, Крым, Иалта аҟны, Москва амҵан Переделкино, Аԥсны, аҳабла, Д. Гәлиа ихьӡ зху
арҿиаратә ҩны.
Ишысҳәаз еиԥш, ашәҟәи аԥхьаҩи ирыбжьаз ацҳа иахьӡын
«Книгаторг». Урҭ аиҿкаарақәа ареспубликақәа зегьы рҟны,
ақалақь дуқәеи рыҟны иҟан. Иаҳҳәап, ҽааны иҭыҵраны
иҟоу ашәҟәқәа, аплан рзырышьҭуан, насгьы аҳәара ҟарҵон
ирзынарыцҳарц шаҟа цыра уҭаху.
Урҭқәа зысҳәо ԥхьаҟа еилышәкаап.
Ишысҳәаз еиԥш, сышәҟәы «Аибашьра еилгахьан» Фазиль
Искандер аԥхьажәа ахьиҩыз азыҳәан, сышәҟәы атираж халеит ҩышә нызқь инареиҳаны.
Ашәҟәы ҭыҵит Фазиль иаԥхьажәа зынӡаск ианӡамкәа, атиражгьы ҩынтә инареиҵаны. Изыхҟьаз хыхь исҳәеит. Аха асовет идеолог хада М. А. Суслов иҟаиҵақәоз ацәгьарақәа ихаҭа
зны-зынла ириашалон.
Дырхынҳәны еиҭах ажурнал «Новый мир» редактор хадас
дҟарҵеит А. Т. Твардовски, П. Л. Капица дхынҳәыртә иҟаиҵеит,
Фазиль Искандергьы имҩақәа ааиртит убри иабзоураны, 1972
шықәсазы, убраҵәҟьа «Молодая гвардия» аҟны иҭыҵуан хыхь
зыӡбахә сҳәахьоу, сышәҟәы «Белый огонь» («Акәаш-мца»).
Раԥхьаӡатәи сышәҟәы азыҳәан Фазиль ииҩыз аԥхьажәа,
ацензура ианырмышьҭ, иҭаршәны иҵәахны ирыман, уажәы
Фазиль имҩа анаадырт, автор дақәыршаҳаҭны, иеигәырӷьаны
«Белый огонь» ианырҵеит.
Уи афакт еиҳарак иалацәажәо 1922 шықәсазы В. И. Ленин
иаԥиҵаз, ажәа азыҳәан агәылшьап иаҩызахаз, амч аноу амш
инаркны, ахақәиҭреи «абаандаҩреи» аргама, еиҳарак маӡала

аиқәԥара иаҿын. Аҵыхәтәан, ишдыру еиԥш, иагеит ажәа
ахақәиҭра. Уи апроцесс, ҳәарада, иахьцоз Урыстәылан акәын.
Ҳара ҳҿы, Аԥсны ажәа ахақәиҭра аганахьала, аҭагылазаашьа
зынӡаск даҽакын, мши ҵхи реиԥш еиԥшымызт.
1931 шықәсазы Ефрем Ешба дықәԥаны иҟаиҵаз хазы
ҳәынҭқарраны Аԥсны, иамхны, автономиа ашҟа иларҟәны
Қырҭтәыла иалаиҵеит И. В. Сталин. Уи ацәгьара аҟаҵараз,
иаҵкыс иеиҳау ауаатәыҩса рҭоурых даздыруам. Иишьуа
ауаҩы, реиҳа изааигәоу ауаа рнапала иҟаиҵон. Убас азиуит Аԥсынгьы. Аԥсны Қырҭтәыла иалархәны еиҿикааит
аԥсыуаақәак рнапала, аԥсуаа ишәҭахыз ҟасымҵеи иҳәартә.
Уи 1931 шықәса, ашықәс еиқәаҵәа инаркны, аԥсуаа
ражәа ҟәыӷа, ражәа ахақәиҭра еиҳарак изызкыз Қырҭтәыла
аколониалтә политика иаҿагыланы ақәԥара акәын. Еиқәы­
рхагас, бџьарс рхы иадырхәоз В. И. Ленин амилаҭтә политика азыҳәан ииҳәақәахьаз, аԥсҭазаараҿы зынӡаск даҽакала
ишыҟазгьы.
Аӡы иаанахәо аҭәыц дахьынҳалоит ҳәа, аԥсуаа ишрылшоз ала, рхы иадырхәон асовет цензура. Еиҳараӡак
асахьа­ркыратә литература аҟны. Сара исыздыруам фактк,
Аԥснытәи ацензура иҭмыжькәа иааннакылеит ҳәа аԥсуа
шәҟәыҩҩык ишәҟәык, иҩымҭак. Аха Аԥсны иҟаз арыцҳара
зынӡаск даҽакын. Аԥсуа кьыԥхь ишырҭахыз рхы иадырхәон
ашәҟәыҩҩцәа реизыҟазаашьа, еиҳараӡак ҳаҭыреиқәымҵареи
аиҵашьыцреи.
Иаазгоит ҿырԥштәык:
1980-1984 раан, шәагаала идуцәамызт, гәҭыхақәас
исы­мақәаз нагәылаҵаны изҩит ароман «Ахаҳә зыршәуа»
ахьӡҵаны.
Раԥхьаӡа издызгалаз аредактор, ажәа бааԥсык иасҳәазшәа,
иаразнак дахьынҳалеит аҩымҭа ахьӡ.
Иаарлафшәа, аха иажәақәа аӡы рылжжуа:
– Усгьы ахаҳәқәа еигәыдҵо ҳаилоуп, уара иҳалаужьит
ахаҳә аршәра!
Ахьӡ абиблиа аҟынтәи ишаазгаз иасҳәар сус иаҳагьы
еицәастәуеит сҳәан сгәанала:
– Иумдыруеи, ахәыҷқәа анеихәмаруа ахаҳә ссақәа еигәы­

дырԥсалоит. Хәмарроуп, – сҳәеит, иагәылаҵаз ахшыҩҵак
зынӡаск иацәыхараны.
– Иааныжь. Џьара аӡәы даҳарԥхьап, – иҳәеит ихахәы
бабақәа иҩнапык рнацәкьарақәа нарылишьит, аҳәҳәага
еиԥшха.
Изиҭаху ииҭааит, даԥхьааит, изҩыз излаумкьыԥхьша акгьы
иалаҟам ҳәа сгәы рҭынчны сцеит «сысаби», исзымдырӡакәа
анапы ҟьашь инаиҭаны.
Даԥхьарц изиҭаз, ҳәарада, исеимҳәаӡеит. Акьыԥхьра
иаԥсоу иаԥсаму. Иҩны ииҭар акәын аредактор.
Еицәажәазар акәхарын ԥсыхәа ахьынӡамаз иргәагәон
аԥхьара изиҭаз. Мышқәак ааҵхьаны, аредакциахь инеигеит
арецензиа еиқәаҵәа. Иаахтны иҩит кьыԥхьшьа амам ҳәа. Иахьагьы исгәалашәоит иажәақәа: «Ароман аҟны иуԥылом ҵла
заҵәыкгьы асовет мчра иатәу».
Арецензиа зҩыз, 1937 шықәсазы ауаа зырӡуаз дыруаӡәкуп.
Убасҵәҟьа сызиаҳәа. Исызиаҳәа инацҵаны иҵегьы: Ииашоуп
дҵарауаҩуп, Ажәлар рҳәамҭақәа аниҵоит, иҭиҵаауеит. Иус
даҿызар изеиӷьуп. Асахьаркыратә литература ахы-аҵыхәа,
иахьцо-иахьаауа иԥхыӡгьы иаламшәацт. Адунеи аҿы еицырдыруа ароман «Война и мир» ахьыӡҵәҟьа изеилымкааит
уҵарауаҩ. Еиҭеигеит «Аибашьреи адунеии» ҳәа. Убасҵәҟьа
иҩит, – сҳәеит сҟәымшәышәрақәа зынӡаск исхаршҭны.
Сажәа снаԥыҩлан. Арецензиа зҩыз изыҳәан ирџь­бара­
цәаны исҿыҵҟьақәаз ажәақәа, иаарласны, Аԥсны анҭыҵ­гьы
даара исԥырхагахеит.
– Еилыскааит иукьыԥхьыр шуҭахым. Арахь исыҭ, – иааим­
пыҵызжәеит, инарҳәы-аарҳәуа, цәаҳәак дамыԥхьо иикыз
сроман.
Уаҟа адагьы ацәгьа-мыцәгьарақәа сзызухьаз, анарцә
гыларҭа роуааит, аҩыџьегьы иахьымааша ицахьеит, рыхьыӡқәа
сҳәарц сқьышә иаақәыххуеит, еиҳарак сқьышә изаақәыххуа,
аԥсуа кьыԥхь аҟны сроман амҩа ахьыркыз хьаас искуамызт,
аха рыхьыӡқәа иҿаҿаӡа иаҵаҩын, Аԥсны анҭыҵгьы исзырҩыз
ацәгьара.
Ишыҟалаз абасоуп.
Сроман «Ахаҳә зыршәуа» нбанҵакыла еиҭаганы, машьын-

кала икьыԥхьны, уаанӡа сҩымҭақәак ахьыркьыԥхьхьаз ажурнал «Дружба народов» ашҟа исышьҭит.
Анцәа ииныҳәаша илыдылмырхалакәа, мызкы аҩнуҵҟала
даԥхьан, аиҭагаҩ Г. Е. Ковалевич илҭеит.
Шықәсыбжак аҟара ҵхьаны, атипографиахьтә аоттискқәа
сзаарышьҭит.
Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла аиҳабы И. К. Ҭарбеи, амаӡаныҟәгаҩ
Кә. Шь. Ломиеи ишсылшоз сҽаанкылан, ирҟәымшәышәны,
ирасҳәеит сҩымҭа ажурнал «Алашара» анҵара уадаҩрақәак
ҟалеит шәсыцхраа ҳәа, идсырбеит аоттискқәа ажурнал
«Дружба народов» ишрыдыркылаз, иркьыԥхьраны ишыҟоу.
– Уи сара аҭыԥ иқәсҵоит, – иҳәеит Кәымф.
Мшқәак ааҵхьаны:
– Еиҳарак дахьынҳалеит уроман ахьӡ. Ичҳагәышьа, даҽа
хьӡык азыԥшаа, иҳәеит, аҿарацәа есқьынагьы ирыцхраауаз, ашәҟәыҩҩцәа еимакык роур ирыбжьаҟазоз ауаҩ-қьиа
Кәымф Шьрын-иԥа.
Сроман «Амҩасҩы» ахьӡҵаны 1986 шықәсазы ажурнал
«Алашара» ианылеит.
Аха анҭ, аҳарамқәа, шьыцрала иҭәыз, зынӡаск рхы аарыхнахит, ажурнал «Дружба народов» ианырҵеит ҳәа анраҳа.
Иҟарҵақәаз, ажәала акәу, шәҟәыла акәу исеимҳәеит ажурнал
«Дружба народов» аредактор хада С. Баруздин, сроман шааныркылаз, аредактор хада уиацәажәар иҭахуп ҳәа иансзаарыцҳа,
ҳәарада, иаарласны Москваҟа сцаны ҳанеицәажәоз, иара
ихаҭа даԥхьахьазаарын. Уаҩԥсык иаҳасабалагьы даара ҳаҭыр
зқәысҵоз шәҟәыҩҩын С. Баруздин.
Акраамҭа ҳанеицәажәоз, ирхаашәа иҿыҵҟьеит аԥсуа
критикцәа даара иргәамԥхазаап ҳәа.
– Шәиашоуп, иҟагәышьоуп изгәамԥхақәаз, аха ишәасҳәоит
иаахтны, шәжурнал схы иархәаны, аԥсуа кьыԥхь ианылартә
иҟасҵеит. Саҭашәымҵан, шәжурнал ахьӡ схы иахьасырхәаз, –
сҳәеит.
– Уи ибзиаӡаны иҟауҵеит.Амилаҭлитература ашәҟәыҩҩцәа,
уаҟа дара рҿы, рхатәы бызшәала ирымкьыԥхьқәо ҳара
иаҳкьыԥхьуеит, иаҳҳәап Тимур Пулатов, – иҳәеит аредактор
хада. Абасеиԥш ҳанеицәажәа ашьҭахь, – аԥсуа критикцәа

ирҳәо сара сзыҳәан акгьы аҵанакӡом, аха саԥхьартә иҟарҵеит,
уи цәгьам. Иудыруеит шаҟа ҳаҭыр уқәсҵо, уара узыҳәан араҟа
еснагь умҩа аартуп. Уақәшаҳаҭхар, убас ҟаҳҵап уроман «Кто
бросит камень» ианаҳҵоит «Журнальный вариант» ҳәа.
Иара уигьы даараӡа иҭабуп, шәџьабаақәа ахаан исха­
шҭуам, – сҳәан, иҵегьы ажәа ԥхақәак наиаҳәаны ҳаиԥырҵит.
Ишиҳәаз еиԥш, 1990 шықәсазы, ахьӡҵәҟьа «Ахаҳә зыр­
шәуа» азааныжьны, «журнальный вариант» ҳәа, ҵаҟа иаҵа­
ҩны иркьыԥхьит. Г. Ковалевич иеиҭеигаз, иаргьы саргьы
иҳамҵәахӡеит, зегьакоуп ашәҟәҭыжьырҭақәа рҟынгьы ирышь­
ҭӡом ҳәа агәыӷра анаҳмоу, иаргьы ихатәы ҩымҭақәеи, саргьы иара изыҳәан сазхәыцыртә, сахылаԥшыртә сыҟамызт,
насгьы сгәы еиқәҳәало ишаазҩыз аԥсуа кьыԥхь иахьанылаз,
ирымҳәахьеи ацәгьеи абзиеи рышьхәа еивҵоуп ҳәа.
Арҭ анҵамҭақәа, ҳаамҭазтәи ҳкультура аҭоурых иаз­
ҿлымҳау, даԥхьозар, ҳәарада, иҳәоит ацәгьарақәа изыз­ухьаз рыхьыӡқәа зимҳәозеи ҳәа. Уи аҭак ҟаиҵон доусы иара
итәала.
АХԤАТӘИ АХЫ
1964 шықәсазы Москва Алитературатә институт сҭан.
Алекциақәа рышьҭахь, атроллеибус сақәтәаны, астудентцәа
ҳахьынхоз ашҟа сцон.
Даара зықәрахь инеихьаз ԥҳәыск, аанҿасырҭаҿы, атроллеибус дышнақәтәаз:
– А Никита-та скинули! Сволочи! – лҳәеит, лгәы ԥыжәжәо,
зегьы ираҳартә. Дахьтәашаз аҭыԥқәа шыҟазгьы ҳазегь
дынҳалаԥш-ааҳалаԥшуа, лгәыԥжәара иҵегьы инацҵаны, –
еилышәымкааӡеи исҳәаз? – аҳәса, ахацәа, қәрала еиԥшқәамыз
апассаџьырцәа уаанӡа итәақәаз, ҳаибадыруазшәа, ҳнеи­
хәаԥшы-ааихәаԥшит, – Никита! Никита Хрушьчов дамырхит. Пицунда, игәы рҭынчны, амшын ҟәанда дышҭаз, абанда
– Сталинистцәа иааизан, дықәырцеит, сволочи! – уаанӡагьы
лылабжышқәа лрыцқьозар акәхарын, еиларҟәыҷы илкыз ачабра лыблақәа аалалрыцқьеит.

– Ибҿаҳалак бымҳәалан, ахшыҩцажә! – аӷьеҩ аалыхиргеит, дахьтәаз дааҵҟьаны хаҵа шәпа-жәпак.
– Уиашоуп илоуҳәаз! – инацдырӷызит даҽа џьоукы.
– Бара иабабдыруеи? – длалықәҵәҟьеит ахаҵа шәпа-жәпа.
– Иаарласны ишәаҳап! Никита Сергеи-иԥа иоуп изыбзоуроу, акгьы рхараӡамкәа, жәашықәсала, зықьҩыла абахҭақәа
ирҭакыз. Иара ибзоуроуп схаҵа дахьоурыжьыз!
– Дҭакызар, цәгьарак ҟаиҵазар акәхап!
– Аа, дыжәбома? Абар дахьыҟоу Сталинист! Ибла дҭасыртә
лнацәкьарақәа рхаханы, лажәақәа «неигәыдылҵеит» ахаҵа
шәпа-жәпа.
– Лыгәра шәымган! Абас иҟақәоу, ауҳәан-сҳәан бааԥсқәа
гәаразҵо, ибзианы иҟаиҵон, икыдҵаны ианишьуаз Сталин! –
иааҳалаижьын, атроллеибус аанҿасырҭаҿы дналбааит ахаҵа
шәпа-жәпа.
– Уажәшьҭа иҟалозеишь? Еиҭах ихынҳәуазар акәхап ҩа­
жәи­жәибжьтәи ашықәсқәа! – лыбжьы каҳаны, лхы дацәа­жәо
иҭацәыз ҭыԥк аҟны днатәеит.
– Акырӡа шықәса раԥхьа, атроллеибус дшааҭалаз, аҳәашьа
ззымдыруа шәаџьҳәаҩык диеиԥшха аԥҳәыс бырг иҳалҳәоз
ажәабжь, иахьеиԥш исаҳазшәа, ианысгәалашәа, ианысҵоз
ацәаҳәақәа саарҟәаҵын аԥенџьыр аасыртын Аҟәа ажәҩан
снаҵаԥшит иахьа, 2011 шықәса ииуль 2, асабшаҽны. Аԥхьаҩ
иаԥхьаҟа еиликаап, иахьатәи ашықәси, амзеи арыцхәи заныс­
ҵаз.
Схы здыруаахыс исгәалашәом, сынтәатәи ааԥыни, аԥхын
алагамҭеи абасҟак ихьшәашәаны. Уи мацара акәындаз. Аԥҳәыс
бааԥс леиԥш, мышкала ҩынтә-хынтә аҽаԥсахуеит аҳауа. Зны,
ухы кылнаҵәо, амра аакылԥхоит, инашьҭарххны, амамиқәара
еиԥшха, анаҟа-араҟа ашәыта еиқәаҵәақәа алаԥсаны, ажәҩан
аахнаҩоит, иаман иаауеит аԥша хьшәашәагьы. Икыдбганы ақәоура иалагоит. Уахгьы-ҽынгьы, мызкы инеиҳаны,
убас аҽаԥсахуа иааиуеит аҵхқәа, амшқәа. Анхацәа макьанагьы аџьықәреи ларымҵацт. Икарыԥсаз ауҭраҭых адгьыл иахьылҳәҳәоз ирзымҳауа иаанхеит. Мчыла ирҿалаз
апомидорқәа изакәызаалак гьама рымаӡам, аӡы рылыжжуа.
Инеицәажәо иааицәажәақәо еиҳараӡак ирҳәозеи? Ҳазшаз
ҳаицәымыӷхеит, нас инацырҵеит, Аԥсны мацара акәындаз?

Адунеи зегьы шьаҭанкыла аҽыԥсахра иаҿуп. Ирацәаӡахеит
аӡхыҵрақәа, изаҳахьадаз, февраль мзазы Сибир атерриториа дуӡӡа аҟны ирзаанымкыло, абнақәа иццышәхо ибылуа. Иаҳзымдыруа мчык «шәгәышәҽаныз ауаатәыҩса» ҳәа
иҳанаҳәазар?! Иҳанаҳәозар аамҭа бзиақәа наӡаӡа ицеит,
ишәзааиуеит аамҭа хьамҭақәа ҳәа.
Ҳазыхынҳәып, атроллеибус дааҭаланы: «А Никита-та кинули!» – ҳәа иҳалалҳәаз аԥҳәыс бырг, изаҳақәоз, аҭакқәак
ҟазҵақәоз раамышьҭахь, егьырҭ ишеилыркааз сара исыздыруам, убри ауха, сызмыцәо, инарҳәы-аарҳәуа сааҟәымҵӡакәа
сазхәыцуан. Ииашаҵәҟьаны, Никита Хрушьчов дамырхызар,
ҳара, ажәлар раӷацәа рҵеицәа, даҽазнык ҳахаанхар ҟалоит
ашықәс еиқәаҵәақәа. Жәашықәса раахыс, «оттепель» ҳәа
ззырҳәоз, иниаӡааны, еиҭах ихынҳәызар Сталин иаамҭа?!
Иаанханы иҟан спиеса ахҩаалара ашықәс еиқәаҵәақәа
ирҿагыланы изҩыз адрама «Аҳақ ашәара». Уи, уаҳа сзаламкьысуа аҟынӡа инаганы, саналгалак, аҩра салагар сҭахын Нестор Лакоба иара ихаҭеи, иаамҭеи иазку ароман згәы иаанагодаз ҳҳәынҭқарра ду еиҭах иахаԥоит ҳәа аԥҭа хьшәашәақәа.
Ԥаҵақьала инаур еиқәаҵәа, аԥсы ҭало ишалагоз,
иаарыцқьаны ҩышықәса анҵлак, 1966 шықәсазы, раԥхьаӡатәи
спиеса «Аҳақ ашәара» ашьапы ишықәнаҟьоз. Аҭынха гәакьа
арыцҳара дақәшәазшәа лылабжышқәа анылрыцқьоз атроллеибус аҟны аԥҳәыс бырг, ажәа лымазкызгьы, ҿымҭӡакәа
иӡырҩуазгьы, аӡәгьы ҳхаҿы имааиӡеит, ҳазегьы ҳзықәтәаз
«атроллеибус», иҳазгәамҭаӡакәа, иаамҩахыҵны, зынӡаск даҽа
мҩак ишанылаз. Аҵыхәтәан, даҽа шықәсқәак анҵлак, зынӡаск
ишыбӷалоз, ҭаацәарак еиԥш еицыз апассаџьырцәа хазы-хазы
ҳшеимпуаз. Аха макьаназ амч аман «оттепель» ззырҳәоз аамҭа.
Исыӡбахьаз анагӡара саҿын. Спиеса «Аҳақ ашәара», иҵегьы
снахәаԥш-аахәаԥшны, иаахҩааланы, машьынкала акьыԥхьра
аанханы иҟан. Маҷкгьы сацәыхьшәашәан, хшыҩҵакыла ина­
сыгӡап ҳәа инасҵәахын, 1964 шықәса, аканикулқәа (аԥс­шьа­
рамшқәа)? ибзиаӡаны схы иасырхәеит, хыхь зыӡбахә сҳәаз
ароман азыҳәан аԥсҭазааратә фактқәа реизгаразы.
Атәымуаа сызрышьҭаларызеи саб гәакьа аҩны дыҟами сталинизм «абзиарақәа» зегьы зхызгахьоу, разҟыла, деиқәханы

ихынҳәыз саб. Иблала иибаз иарбану еиӷьу ԥсҭазааратә факт­
қәоу?
Аҵара имамызт, аха ԥсабарала ицәа иалан ԥхьаҟа ҳәа
ҭоу­рыхла ахәыцра. Ихаҭа иҿыҵҟьахьан: «Сызлаԥшыз, исхызгаз анарцә сахьцо исыманы сцозар акәхап, џьара қьаадк
ианҵазар, мышкызны аӡәгьы даԥхьап, ибап изакә аамҭаз ҳара
ҳаамҭа, – инациҵон, – аҳратәра еицәаны ихынҳәит ҳәа.
Бзиа иаабалон еиқәлацәак, еиҩызцәак еицныҟәозшәа
амш анҵәамҭахь ианынаскьалак, илабашьа, еиҳараӡак инаи­
ҩыҵракны, ҳнеицәажәо лассы-ласс ҳаиццалон ҳаԥсаса рхы­
лаԥшра.
Убарҭ ҳаицәажәарақәа, акымзаракгьы ацымҵакәа, шықә­
сык анҵы ажәабжьқәа рылсхит. Ажәабжьк ҳәаны даналгалак, исхашҭыр ҳәа дшәаны: «Дад, зыӡбахә уасҳәаз ауаа,
рыхьыӡқәа, рыжәлақәа анумҵан. Ухаҭа мацара уакәым, иухшо
ирыхшо ирԥырхагахар ҟалоит» иҳәалон.
Инасыгӡеит ииҳәаз даҽакгьы.
– Хара узцарызеи! Аҽы унақәтәаны уизца Џьоџьо Кәыҵ­
ниа, сара сеиԥшҵәҟьа, атроцкист ҳәа дҭакын. Аумаӡа ихганы дхынҳәит. Ҳацәгьа зҳәазгьы ибзиаӡаны идыруеит. Уиаз­
ҵаа даҽакгьы. Самсон Ҷанба ду иаб, Кьагә дышҭаркыз, дыр­
баандаҩны даныргоз аусҳәарҭаҿы даннарга, имаҟеи иҟамеи,
«уара усгьы арахь ахаан ухынҳәӡом» ҳәа иаҳәаны, имызхыз,
иахьагьы иҵәахны измоу, ԥсышьацәгьа зауша.
Ишысҳәаз еиԥш, иҟалараны иҟаз, сцәа иалашәазшәа, уи
аԥхын, сышәҟәыҩҩра хәыҷы аганахьала, ибзиаӡаны схы
иасыр­хәеит.
Аканикулқәа (аԥсшьарамшқәа?) рынҵәамҭа азыҳәан, Аҟәа
сааит ақыҭантә ҷыдала сиацәажәарц Аԥсны апрокурор хада
Шамил Никәа-иԥа Лакоба.
1918 шықәса рзы, ишдыру еиԥш, ақырҭуа меншевикцәа
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 43
  • Büleklär
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3297
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2168
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3320
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2205
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3316
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2137
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3287
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2274
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3310
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2217
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3312
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2192
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3344
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2253
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3343
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2243
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3376
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2272
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3361
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2270
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3391
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2253
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3305
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2240
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3306
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2239
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3344
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2122
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3341
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2196
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3317
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2193
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3387
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2182
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3341
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2238
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 19
    Süzlärneñ gomumi sanı 3344
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2149
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 20
    Süzlärneñ gomumi sanı 3317
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2281
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 21
    Süzlärneñ gomumi sanı 3324
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2241
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 22
    Süzlärneñ gomumi sanı 3363
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2230
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 23
    Süzlärneñ gomumi sanı 3382
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2125
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 24
    Süzlärneñ gomumi sanı 3392
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2127
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 25
    Süzlärneñ gomumi sanı 3405
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2240
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 26
    Süzlärneñ gomumi sanı 3292
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2235
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 27
    Süzlärneñ gomumi sanı 3317
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2213
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 28
    Süzlärneñ gomumi sanı 3332
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2237
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 29
    Süzlärneñ gomumi sanı 3332
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2251
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 30
    Süzlärneñ gomumi sanı 3299
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2291
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 31
    Süzlärneñ gomumi sanı 3267
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2345
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 32
    Süzlärneñ gomumi sanı 3318
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2355
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 33
    Süzlärneñ gomumi sanı 3308
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2234
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 34
    Süzlärneñ gomumi sanı 3318
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2304
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 35
    Süzlärneñ gomumi sanı 3386
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2303
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 36
    Süzlärneñ gomumi sanı 3299
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2329
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 37
    Süzlärneñ gomumi sanı 3306
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2320
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 38
    Süzlärneñ gomumi sanı 3363
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2108
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 39
    Süzlärneñ gomumi sanı 3361
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2193
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 40
    Süzlärneñ gomumi sanı 3410
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2206
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 41
    Süzlärneñ gomumi sanı 3336
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2182
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 42
    Süzlärneñ gomumi sanı 3265
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2139
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 43
    Süzlärneñ gomumi sanı 3370
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2247
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 44
    Süzlärneñ gomumi sanı 3336
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2147
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 45
    Süzlärneñ gomumi sanı 2585
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1744