Latin

Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 38

Süzlärneñ gomumi sanı 3363
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2108
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Иҟаӡамзар… Мап, имаҷӡазар ҟалап адунеи аҿы даҽа
милаҭк, аԥсуаа раҟара зыԥсадгьыл азыҳәан зхы-зыԥсы
иамеигӡауа, зыԥсадгьыл ахьчаразы, аиқәырхаразы аԥсра иазыхиоу, хьаҵра ззымдыруа. Аха иара убасҵәҟьа иҟамзар…
мап, имаҷӡазар ҟалап адунеи аҿы даҽа милаҭк, аԥсуаа раҟара
иаармарианы, изаҟаразаалак хьаас иҟамҵакәа зыԥсадгьыл
ааныжьны иқәҵуа.
Ари зеилкаара уадаҩу аԥсуа имаӡақәа ируакуп.
Март 1, 2000 ш.
Ашьыжьымҭан шаанӡа, Аҟәа ақалақь агәҭа, аџьармыкьа
ашҟа схы рханы сышнеиуаз, аҩны еихагылақәа ирзеиԥшу
агәарԥ аҟнытә, иаалырҟьаны, сааигәараҵәҟьа агәақьҳәа ахысыбжь геит. Абжьы ала аилкаара мариан ашәарыцага ашәақь
ала дышхысыз. «Абраҟа иишьуазеи?» – сҳәан, снымҩахыҵын,

азеиԥш гәарԥ сынҭалеит. Аԥсуа шәақь ижәҩа иахшьны, ашәч
зқәу аҵла дамҵагылоуп иишьыз ардәына кны, инарҳәыаарҳәуа дахәаԥшуа хаҵак, аспорт маҭәала иҽеилаҳәаны.
Снаихәаԥшызар, ибзиан издыруа аԥсуа хаҵак иоуп.
Иҟасҵара сзымдыруа сшанханы сааҭгылеит. Зықәрахь инеихьоу ахаҵа, аҵәца анику, мамзаргьы аизарақәа раан,
шәыбзиаха, ацәгьамыцәгьарақәа ҟашәымҵан ҳәа, – аҿар
ирылабжьауа, ахшыҩи аламыси дзырҵауа, ақалақь далазаап
ардәынақәа шьуа.
Згәы иҭажьцәаз аӡәы иеиԥш саақәгьежьын, аԥсшәа иам­
ҳәаӡакәа сымҩахь сҿынасхеит. Иаҳәатәыз сызиамҳәеит. Схы
сабашьуан. Ари исҳәо заҳауа дысхыччааит, ухы аҭыԥ иқәҟьама,
Аԥсны уажәы ҿаасҭарас, цәгьарас иааҟоу зегьы анымҩаԥысуа,
аҽнышьыбжьон ауаа ирықәланы иандырҳәуа, иргәыдҵаны
ауаа аныршьуа, уара аӡәы ԥсаатәк ахьишьыз цәгьара дуӡӡак
ҟалеит ҳәа угәааны уалацәажәоит ҳәа.
Абри афакт хәыҷы сшазхәыцуаз, иаасгәалашәеит ашәҟәы­
ҩҩы ду М. Булгаков иповест «Собачье сердце» аперсонаж,
апрофессор Преображенски ииҳәаз: «Разруха в стране начинается, когда писаешь мимо унитаза».
Дасу ииҭаху ҟаиҵозар, дасу дахьгылоу, иахьааиҭаху
ацәгьара ҟаиҵозар, иаҳзыҟаҵарушь адемократиатә ҳәынҭ­
қарра?
Март 7, 2000 ш.
«От того и случается, что не пойму куда влечет нас рок
событий», – иҳәеит, апоет ссир С. Есенин. Акитаицәа ирымазаап ашәиԥхьыӡ бааԥс: «Чтобы ты жил в переходный период».
Ҳаамҭазы ирҳәахьеит аԥсуаа: «Аҵла иалыҩрыз амаҭ ицҳаит».
Абарҭ ахшыҩҵакқәа узааиуеит иахьатәи Аԥсны
аҭагылазаашьа уаназхәыцуа.
Иахьынӡацәгьаз, иахьынӡабзиаз – уи даҽа зҵаароуп.
Ишыҟазааалак, ҳәынҭқаррак ҳашьцылахьан. Уи азакәанқәа
ҳдыруан. Иаҳдыруан аԥсыҽрақәа, иаҳдыруан иахьыӷәӷәаз.
Дшыцәаз ихы ԥҽны дааԥшит ҳәа шырҳәо, иаалырҟьаны,
ҽнак уи аҳәынҭқарра дуӡӡа, зуасхырқәа хыжәжәаз аҩнеиԥш,

агәгәаҳәа ибганы еилаҳаит. Иҟам, иқәӡааит ҳзааӡаз аҩны.
Асовет ҳәынҭқарра, аимпериа дуӡӡа зықәшәаз абри
арыцҳара аԥсуаа инаҳзацлеит даҽакгьы. Аибашьра ду
наҳзыҟалеит, иҭахаз ҭахеит, еиқәхаз ҳалҵит ҳҟәаҟәа-чаҟәаны,
ҳхыблаа-ҿыблааны аҳаскьын бзиа шаҟа амч каԥсауа убасҟак
аҽарӷәӷәоит аҳаскьын бааԥс. Ауаа ҟәыӷақәа, ауаа ламысқәа,
абанҭ хыхь исҳәаз арыцҳарақәа аҩба ирыхҟьаны рыхшыҩи
рымчи анааԥса, ауаа хәымгақәа, зегьрыла ламыс змам ауаа
Аԥсны иахаԥеит. Иарбан жәларызаалак дара ирықәнаго аԥыза
дроуеит ҳәа ирҳәо узақәшаҳаҭхом. Агәра згоит ҳаиқәзырхо
мчқәак шыҟоу. Еицәоугьы ҳхаагахьеит.
Март 8, 2000 ш.
Иахьатәи ҳаамҭеи ԥасатәи аамҭеи срызхәыцуа,
исгәалашәеит избахьаз хҭыс хәыҷык.
1985 шықәса анҵәамҭазы, Шотландиа сыҟан. Ҽнак исыцыз сҩызцәеи сареи аџьармыкьахь ҳцеит ҳнаԥшы-ааԥшырц.
Ԥҳәыск акәтаӷьқәа лҭиуан. Кәтаӷь цырак снапы нақәкны:
– Изыԥсоузеи? – ҳәа слазҵааит.
Снапы зқәыскыз акәтаӷь аашьҭылхын, акапанга иақәылҵеит.
Изыԥсоу лҳәеит.
– Цырак аума?
– Ааи! – иџьашьаны дсыхәаԥшуеит.
Жәаба? – сналазҵааит.
Акәтаӷьқәа цыра-цырала акапанга иақәҵаны илкапанит.
Изыԥсоу лҳәеит.
Аиҭагаҩ Алан, Асовет тәылаҿы акырынтә иаахьаз,
ҳаԥсҭазаара зеиԥшраз здыруаз, исыхьыз идырын, аԥы­
шәарччара далагеит.
– Шәара шәҿы акәтаӷь ркапанӡом, цыра-цырала ишәҭиуеит,
ихәыҷугьы, идуугьы рыхә еиҟароуп, – иҳәеит.
Аԥсныҟа ҳаныхынҳә, аӡәырҩы еиҳараӡак аҳәсақәа
ирасҳәеит Шотландиа акәтаӷь капанны ирҭиуеит ҳәа. Аӡәгьы
агәра имгеит.
Исгәалашәеит даҽакы.
Аԥсны дааны дыҟан Австралиатәи ашәҟәыҩҩы иԥҳәыс

дицны. Дымҩаԥызгон. Аҟәа адәқьан ҳныҩналеит, асувенирқәа
ахьырҭиуа. Инаскьаны еидтәаланы акаҳуа ржәуан ахәаахә­
ҭцәа аҭыԥҳацәа. Ҳасас днаԥшы-ааԥшит. Инапала инкыланы, уаҩҵас дрыхәаԥшыр иҭахын игәаԥхақәаз. Аҭыԥҳацәа
днарыхәаԥш-аарыхәаԥшын, англыз бызшәала иԥҳәыс акы
леиҳәан, ҳандәылҵит. Аиҭагаҩ дҳацын.
– Ҳахьнеиз цәыргақәҵоу, мамзаргьы аҭирҭа акәу? – дна­
ҳазҵааит ҳасас.
– Идәқьануп, – ҳҳәеит.
– Ишәымоу аҭишьа шәыздырӡом. Изҭиуа ҳааигәара
имааи­ӡеит. Исарҳәахьан, ахәаахәҭцәа аҳәынҭқарра аҟнытә
ауала­фахәы шроуа. Ирымоу ирҭиргьы ирымҭиргьы ироуц роуеит. Ари даара ишәԥырхагоуп, – иҳәеит ҳасас.
Ашьҭахь, аԥара арҳашьеи аныхшьеи ҳшалацәажәоз, ҳасас
ашәҟәыҩҩы иԥҳәыс ус ҿаалҭит.
– Шәара ишәымоу амал еиҿкааны инышәхӡом. Иузымфо
афатә умҵаургылоит. Агәам ахькарыжьуа икажьны иубоит ача,
иҵегьы афатә, – ашьҭахь илҳәеит дара рҿы шаҟа иахӡыӡааны
рмал шнырхуа, иаалгоит ҿырԥштәык, – агаз акамфора руак
аркызар, ашьҭахь, даҽа камфорак ауркырц уҭахызар, ихыблаау асԥычка, егьи иарку акамфора аҟны иаркны аҿыц амца
адыркуеит, асԥычка цыракгьы нырхӡом. Уи аӷарра акәӡам
изыхҟьо. Ҳара убас ҳаҟоуп, – лҳәеит.

ИҲӘАТӘУИ ИҲӘАТӘЫМИ
Актәи ахы
Ишдыру еиԥш, аибашьраан џьоукы аиааиуеит, даҽа џьоукы
иаҵахоит. Аиааира згази иаҵахази рзыҳәан ибзиаӡаны
ирҳәахьеит аҟәыӷацәа: «Аиааира иоуеит абацәа рацәаҩны,
аҵахара – аӡәы заҵәык» ҳәа.
Уажәтәи ҳаибашьраан, ҳара ҳаҵахазҭгьы аибашьраан мацара акәым, аԥсуа жәлар рмилаҭтә қәԥара иалахәыз ауаа
икыдҵаны иршьуан. Ашьра иқәырҵон иаҳҳәап, 1967 шықәса,
Жәлар реизараҿы иаԥхьаз, изҩыз ашәҟәы. Ҳиааира ашьҭахь,
ашәҟә ду авторцәа рхыԥхьаӡара иацло, иацло иаауеит.

Иаазгоит ҿырԥштәык.
Уажәааигәа Аҟәа иҭыҵит, ҳаамҭазтәи ҳҭоурых азы акыр
зҵазкуа ашәҟәы. Иахьӡуп иара: «Аԥсуа жәлар 1967–1992
шықәсқәа рызтәи рмилаҭ- хақәиҭратә қәԥара аҭоурых
аҟынтә». Авторс дамоуп аҵарауаҩ, адепутат, Аԥсны азыҳәан
аџьабаа ду збахьоу, ҳаҭыр зқәысҵо Валери Кәарҷиа.
1967 шықәса, апрель мзазы имҩаԥысит Жәлар реизара.
Уи аизара ду дахьалацәажәо В. Е. Кәарҷиа иҩит абас: «Иара
уи аамҭаз аизараҿ ицәырҵит Аԥсны аҭагылазаашьа зҳәо 100
кьыԥхьҩыра бӷьыц иҟаз Гьаргь Ҟалӷьы (Колбаиа) авторс дызмаз, аха усҟан азы имаӡаз ашәҟәы. Уи, автор дамырбакәа,
ажәлар дырзаԥхьеит Џьума Аҳәба» (ад. 11). Дарбанзаалак
аҭоурыхҭҵааҩ дызлацәажәо афакт ишьақәирӷәӷәалароуп документла.
В. Е. Кәарҷиа зыӡбахә имоу ашәҟәы автор дызусҭоу, ихьӡижәла иҿаҿаӡа иануп. Ишьҭоуп КГБ архив аҟны. Ахкьыԥхьаа
(акопиа) сымоуп сара. Уаҟа излаҳәо ала, автор зынӡаск
даҽаӡәуп. Иаҳа ииашахон В. Е. Кәарҷиа иҩызҭгьы ашәҟәы
консультантс дызмаз Г. Н. Колбаиа ҳәа. Инацаҳҵап даҽакгьы,
ашәҟәы, Жәлар реизараҿы саԥхьаанӡа, маӡала иаԥхьахьан,
аконсультациаз иамақәаз иҵегьы ауаа нагақәа.
Аӡәымкәа ҩыџьамкәа исазҵаахьеит, 1967 шықәсазы,
афилармониа аҟны имҩаԥысуаз жәлар реизараҿы узыԥхьаз
ашәҟәы, уаҩ даԥхьаратә иабаҟоу ҳәа. Рызегьы ирасҳәалоит,
уаҩ даԥхьартә мацара акәым, иҟоуп убасеиԥш, еицаҳзеиԥшу
аҵас-ақьабз, уи иахьӡуп «иҳәатәуи иҳәатәыми». Аԥсуаа
ирҳәахьеит исахьарку ажәала: «Аҩсҭаа – узҩысҭаахазеи? ҳәа
– ианиазҵаа, – Издыруа зегьы аҳәара саналага, аҩсҭаа ҳәа
сыхьӡырҵеит» – иҳәеит.
Убри ахшыҩҵак схамыршҭкәа, ҳәашьа змақәоу иааркьаҿааркьаҿны ажәақәак сҳәап, избанзар уи иадҳәалоуп
ҳаамҭазтәи аԥсуаа ҳҭоурых.
1956–1957–1958 убарҭ ашықәсқәа раан, П. Ингороҟәа
ишәҟәы еиқәаҵәа иахҟьаны, аинтеллигенциа ҿарацәа,
еиҳараӡак астудентцәа рҽеибыҭаны, анаҟа-араҟа аизарақәа
рымҩаԥгара иалагеит.
Аҟәатәи арҵаҩратә училишьче сҭан. Сҩызцәақәаки сареи,
арҵаҩратә училишьче иҭақәаз студентцәақәаки Аԥснытәи аоб-

ком «ҳажәлеит» (Иаҳа ианаало ажәа сзымԥшааит.) Хаҵарԥыск
даалбаан, зҭәымҭа иҭагылаз, деилфаҷа деилаҳәаны, аҷҷаҳәа
аԥсышәала дҳацәажәеит. Ҳара ҳзыҳәан ари ҳамҭа дуӡӡахеит.
Ҳаԥхыӡ иаламшәацызт аԥсуа аус иуеит Аԥснытәи аобком
аҟны ҳәа. Ииҳәаз аҭакқәа раҵкыс амҵәыжәҩақәа ҳнаҭеит
ҳбызшәала дахьҳацәажәаз. Уи Мџьыҭ Хәарҵкьиа иакәын,
иабаздыруаз, ҳаԥхьаҟа ҳшеиҿанагалоз, уимоу еиӷацәас
ҳшыҟалоз.
Ибзиаӡаны исгәалашәоит даҽакгьы, убри џьаҳаным
ицаша П. Ингороҟәа ихҟьаны иҟалақәаз. Ишысҳәаз еиԥш,
«Штурмом» Абхазобком ҳанажәла, «От ворот поворот»
анаҳзыруы, ҳарҭ ҳахшыҩ аҵкыс, ҳгәы еиҳа ианаиааиуаз,
ҳамчқәа еиҭах еибыҭаны «ҳажәлеит» Совмин, уажәы аԥсуа
институт ахыбра. Уаанӡа аҵкыс, ҳхыԥхьаӡара иҵегь иацлеит.
Адәахьы даадәылҵит ишәагаа уамак иаумкәа, ихы-иҿы аахыгьежьааны, иблақәа қьиарала иҭәны, ицқьаӡа аԥсышәала
дааҳацәажәеит. Иара ииҳәақәаз, ҳара иаҳҳәақәаз аамҭа
аӡиас иагахьеит, аха иаргьы дыззықәԥоз, ҳаргьы ҳазҿқәаз,
ажәлари анцәеи ирыбзоураны ҳахаанхеит аԥсуа ҳәынҭқарра.
Уи ахаҵа ихаҵаҵәҟьа Архип Лабахәуа иакәын. Агәра ганы
сыҟоуп усҟан аҿарацәа дҳалагылан ииҳәақәоз ажәақәа
дырхырҟьаны Аԥсны «дықәырцеит», – Қарҭҟа аусурахь диаргеит. Абри аамҭазыҳәан, иааҳалаҩхьан, аԥсуаа иааудгылоз
рызегьы цәажәарас ирыман, Аслан ҳәа Оҭырбак, ақырҭқәа
иаахтны дырҿагыланы, Қарҭ дықәгыланы дцәажәеит ҳәа.
Ишысҳәаз, Аҟәа арҵаҩратә училишьче сҭан. Аҭоурых
ҳзырҵоз Татиана Еснаҭ-иԥҳа Конџьариа, иаҳдыруан Аслан
Оҭырба иԥшәма шлакәыз, лара, ҳарҵаҩы Татиана Еснаҭ-иԥҳа,
сзыԥсам аҟара ҳаҭыр ду сықәылҵон. Убри схы иархәаны,
рҭаацәараҿы снеит Аслан Ҭамшьыгә-иԥа сиацәажәарц,
Қарҭ иқәгылара азыҳәан. Ииҳәақәаз ажәала исеиҳәеит, аха
иқәгылара, иҩны дзыԥхьаз, сықәгылара ашьҭахь исымырхит,
иусҭаша акгьы сымам иҳәеит. Даара акырӡа шықәса ҵхьаны
Владимир Ԥлиа, аҵарауаҩ, Москва архивк аҟны имԥыхьашәан,
акьыԥхь ианиҵеит А. Ҭ. Оҭырба иқәгылара.
Ари изысҳәо аҿарацәа ҳамацара ҳакәым, иҟан аиҳабацәа
Аԥсны азыҳәан зны аргама, даҽазны маӡала ақәԥара иаҿыз.

Убарҭ аԥсуаа нагақәа, азакәан аганахьала, ҳара иҳамҳәаӡакәа
ҳрыхьчон.
Иаазгоит ҿырԥштәык.
Еиҳараӡак аҿарацәа, ҩажәа, ҩажәихәба шықәса реиҳа
зхымҵуаз, еиҿаҳкааит Мықә ашҭаҿы ажәлар реизара. Убри
аизара иазкны игәалашәарақәа ибзианы, ииашаҵәҟьаны
иҩны икьыԥхьит ҳҵарауаҩ С. Л. Зыхәба, ихаҭа изласеиҳәаз
ала, убасҟангьы амшынҵақәа иҩуазаарын. Урҭ макьана
имкьыԥхьӡац.
Мықә ашҭа ажәлар реизара аҟны сара сықәгылара азкын,
Қырҭтәылантәи ақырҭқәеи агырқәеи ихырҵәаны, Аԥсныҟа
иааганы ишындырхо. Аԥсуаа чынуаақәак иаҳҿагыланы, ҳцәа
ҳхыхуа, абахҭа ҳҭаркыз аҟара ажәа бааԥсқәа рҳәеит.
Изхысҳәаауа, астудентцәа аҵара ахьаҳҵақәоз ҳҭырцарацы
иӡбаны иҟан Аԥсны анапхгара аҟны. Уажәы-уажәы ҳҭырцоит
ҳәа ҳаԥшын, ҳаиқәдырхеит аԥсуаа нагақәа.
Инацысҵар сҭахуп хшыҩҵакык. Даара-даараӡа имаҷын
аԥсуаа аполитика ду иаҿыз, ахыԥхьаӡара мацара акәым. Ибзианы издыруаз, уи аганахьгьы зынӡа имаҷын. Убри аус ду
аҳәынҭқарра-политикатә зҵаарақәа ҳажәҩа иқәлеит даҽа
уск азыҳәан Анцәа ҳаицызшаз аҿарацәа, – ашәҟәыҩҩцәа,
аҵарауаа, ажурналистцәа, арҵаҩцәа уҳәа.
Доусы Анцәа дыззишаз иус даҿызароуп.
Аполитика, аҳәынҭқарратә маҵура – уигьы баҩхатәра
ҷыдоуп.
Азхаз ахықә аҟны унанагар, аӡсашьа шузымдыруаз, аӡы
уҽалаужьыр аӡы цәқәырԥа уахәаҽуеит.
Сшыхәыҷӡаз еилыскаахьан, сара исусу ашәҟәҩыроуп ҳәа.
Изхысҳәаауа, аполитика ду иааигәаӡаны аҟынӡа саннанагалак, схьаҵны, сышәҟәҩыра ашҟа схынҳәуан.
Иаазгоит ҿырԥштәқәак:
Ашкол данҭаз аахыс ибзианы издыруаз, аиҩызара
бзиаӡа шҳабжьаз Валери Хынҭәба Аԥсны аобком актәи
амаӡаныҟәгаҩыс дҟарҵеит. Иара идҵала дсацәажәеит аҩбатәи
амаӡаныҟәгаҩ А. Саҟварелиӡе, Аҟәатәи адраматә театр директорс сақәшаҳаҭхарц. Иаҿаршәны мап аныск ашьҭахь, иара
ихаҭа В. М. Хынҭәба снаиԥхьеит. Аҟәатәи адраматә театр ди-

ректорс сақәшаҳаҭхарц. «Усывагыл, ҳаицхыраап», – иҳәеит.
Мап аныск, хымш анҵы даҽазнык снаганы дсацәажәеит. Иаахтны исеиҳәеит, шықәсык, шықәсыки бжаки раҟара уаҟа аус
ула, ажәа усҭоит, акультура аминистрс уҟасҵоит ҳәа. «Ҳаҭыр
сықәуҵозар, усыцхраарц уҭахызар, усыцхраа уск аҟны. Сара
уажәы аус ахьызуа ашәҟәыҩҩцәа реидгыла аҟны, смаҵуреи
суалафахәи сзааныжьны, шықәсыбжак аҟара аԥсшьара
сыҭ», – сҳәеит. Абри аицәажәара ашьҭахьгьы, шәиацәажәа,
дақәшаҳаҭхааит атеатр директорс иҟаҵара ҳәа исзикит Баграт Шьынқәбеи Иван Ҭарбеи. Аҩыџьегьы даараӡа ҳаҭыр
зқәысҵоз уаа дуқәан. Исацәажәеит. Исымуит, ачынуаҩра сара
исыцәтәымуп сҳәеит, абаҩхатәра мацара акәӡам, ҟазшьалагьы
истәымызт. Инацысҵоит хшыҩҵак хәыҷык. Асахьаҭыхра,
ашәаԥҵара, ашәҟәыҩҩра уҳәа, ԥсабарала баҩхатәроуп,
амаалықь – аԥсыцқьақәа ирусуп.
Аполитика – аҩсҭаа ичысхәуп, иусуп.
Амаалықьи аҩысҭааи еинуршәарц иалагаз, изгәамҭаӡакәа
наҟ диԥырҵуеит аԥсыцқьа, иҟаиҵахьоугьы ԥхасҭеитәуеит.
Ажәа шәасыршьит, саҭашәымҵан.
Иааит ашықәс, 1967 шықәса, апрель (мшаԥы) мза. Игор
Марыхәба ииашаны иҳәеит, рыԥсадгьыл аразҟы рыӡбарц,
аԥсуа жәлар Аҟәа иааизаны, афилармониа иныҩналан итәеит,
аҭаацәа бзиа ианааилатәо аамҭазы. Афилармониа иамкыз,
зықьҩыла адәахьы игылан.
Ажәлари Аԥсны анапхгареи изныкымкәа еицәажәеит, аха
рҳәатәы еиқәымшәеит. Иҟарҵара рзымдыруа ажәлар ианааилаха, ирацәаҩымыз гәыԥк ауаа нагақәа исыдырҵеит
сықәгыланы сцәажәарц. Ажәала ацәажәара акәым, саԥхьарц
ашәҟәы (аашьҭымҭа) (послание).
Аҵх агәы еиҩнашахьаны, ажәлар аарӡырҩны, ашәҟәы
саԥхьеит. Ажәлар рыгәҭыха аҳәазар акәхап, еигәырӷьаны
ирыдыркылеит, аха инацҵаны абас: сзыԥхьаз ашәҟәы
ҵаҵӷәыс иҟаҵаны, иҵегьы иааиӷьтәны, иалырхыз ауаа рыла
иаҳҩырц???
Уезгьы-уезгьы иҳәатәуп сзыԥхьаз ашәҟәы аҭоурых.
Ишысҳәаз еиԥш, апрель (мшаԥы) мза, 1967 шықәсазы, ажә­
лар еизаанӡа, ҩбаҟа шықәса раԥхьа, ашәҟәы аҩра ҳалагахьан,
аеҳәшьцәа Екатеринеи Ҭамареи Шьаҟрылԥҳацәеи сареи.

Аеҳәшьцәа Шьаҟрылԥҳацәа дунеихәаԥшрала ҳахьеи­
зааи­гәаз мацара акәымкәа, даараӡа акыр зҵазкуа акәны
иҟан ҳаидызкылоз даҽакгьы. Раб Платон Семион-иԥа Лыхны ашкол аҟны рҵаҩыс дсыман. Иашьа Максыс Шьаҟрыл сан
лаҳәшьа гәакьа ԥҳәысс диман. Сан лаҳәшьа илыхшаз лыԥҳаи,
лыҷкәынцәеи, ҳәарада, Екатеринеи Ҭамареи анки абки
ирыхшазшәа еибабон.
Иҵегьы инацлеит даҽакгьы. Аҟәаҟа сиасны, арҵаҩратә училишьче санҭала, Москва аҵара ду далган Аԥсныҟа дхынҳәны,
арҵаҩратә училишьче аҟны аԥсуа бызшәа ҳлырҵо далагеит
Ҭамара.
Ажәакала, аеҳәшьцәа Шьаҟрылԥҳацәа рыҟны, Аҟәа тәарҭасгыларҭас исыман. Ламысла аҳәара азин сымоуп, сзыԥсам
аҟара ҳаҭыр сықәырҵон, саргьы саҳәшьцәа еиҳабацәа реиԥш
сырзыҟан.
Ҳаамҭазтәи аԥсуаа ҳҭоурых ианылахьеит аеҳәшьцәа
Екатеринеи Ҭамареи И. В. Сталин ихьӡ ала, 1952 шықәса
анҵәамҭазы ирҩыз ашәҟәы. Разҟыс иҟалаз, ашьра рықәҵаны
иҭаркыртә ианыҟаз аамҭазы иаалырҟьаны дыԥсит И. В. Сталин,
март (хәажәкыра) 5, 1953 шықәсазы. Шаҟа ииашан ирҳәазеи
аԥсуаа: «Анцәа дҳамоуп». Апалач ду ԥсышьацәгьа ахьииҭаз
аҟны даанымгылакәа, дкыдҵаны дыршьит Л. П. Бериа.
Аеҳәшьцәа Шьаҟрылаа рышәҟәы амҩа аатит, адамба
тҟәацит. Абандитцәа хадақәа ықәӡааит, аха рҵыхәагацәа
акыр шықәса амч дуқәа рыман, мап, амчқәа рымоуп иахьагьы.
Амаҭ ахьыршьыз адгьыл даара акраамҭа ашҳам алоуп,
ушьапы хтны унықәныҟәар, ашҳам уашьыр алшоит. Убри
ашҳам саргьы исыцрасит, схатәы ԥсҭазара зегьы инанарҳәыаанарҳәит, исыдырҵаз ахара ду иахьагьы исхыхӡам.
Уи шысыцҳаз абас ауп.
1966 шықәса, маи (лаҵара) 31 рзы Аҟәатәи Аҳәынҭқарратә
драматә театр аҟны апремиера ыҟан, сыдрама «Аҳақ ашәара»
аспектакль. Ахәаԥшцәа знызаҵәык ирбеит. Аухаҵәҟьа сыдрама атекстгьы саргьы, дара рбызшәала иуҳәозар, «сысабигьы
саргьы» «аҟаԥшьқәа» рыҩныҟа ҳаргеит.
«Сысаби» «дахьҭаркыз» иахьагьы дҭакуп.
Ишысҳәаз еиԥш, знызаҵәык ахәаԥшцәа ирбеит, уинахыс
ашә акит.

Акыр шықәса ҵхьаны, сҩыза ду арежиссиор «абахҭа»
дҭигарц далагеит «сысаби». Аҩбатәи аан еиҳагьы еицәахеит.
Иқәиргылаз аспектакль «Аҳақ ашәара», ирыдыркылеит,
иӡбаны ишьҭырхит уажәы апремиера ҟалоит, афишақәа
кыдырҵеит. Атеатр иазымкуа абилеҭқәа аазхәахьаз ахәаԥ­
шыҩцәа знызаҵәыкгьы идыдмырбеит. Еиҭах аихатә «бахҭа»
«иҭаркит» сыдрама.
Урҭқәа зыхҟьаз аилкаара мариоуп. Акгьы рхараӡамкәа ауаа
кыдҵаны изшьуаз рхаҭақәагьы, ирыхшазгьы илеиҩеиуа аԥсуа
дгьыл иқәын. Сыдрама изызку дара рсабрада рҿыхра ауп, аха
«сысаби» иҳақ рықәшәеит ишьапқәа ԥызыҵәҵәаз – изыхшаз,
изааӡаз ран гәакьа Асовет мчра иҟәыбаса еилаҳаит. «Сысаби» иара ихала ишьа иуит, сара сакәым, сабгьы ишьа ауит.
Абарҭқәа зхысҳәаауа, аеҳәшьцәа Шьаҟрылԥҳацәеи сареи лафла еибаҳҳәон: «Асовет мчы хзырбгало ҳаибаныҳәалап!» ҳәа.
Ҳазыхынҳәып афилармониа аҟны сзыԥхьаз ашәҟәы. Уаҟа
саԥхьеит иааркьаҿ-ааркьаҿны. Ишеибгоу ԥхьашьа амамызт,
даараӡа ирацәан, мышкала икьыԥхьны 72 даҟьа-цыра-бӷьыц
ыҟан.
Иахьдуцәаз азыҳәан мацара акәӡам. Уаҟа ианқәан
шьаҭанкыла сызқәшаҳаҭмыз ахшыҩҵакқәа.
Уи атәы ҳаԥхьаҟа исҳәоит.
Уажәазы ажәақәак ашәҟәы ахаҭа аҭоурых.
1967 шықәсазы имҩаԥысуан Октиабртәи ареволиуциа 50
шықәса ахыҵра. Уи арыцхә инеиҵыхны иазгәарҭарц асовет
аҽазыҟаҵара иалагахьан. Ҳәарада, еиҳараӡак имҩаԥызгоз
ЦК КПСС акәын. Идеолог хадас иҟаз М. А. Суслов иакәын.
Иԥҳа ақырҭуа диман. Асовет министрра аиҳабыс дыҟан А.
Н. Косыгин. Уигьы иԥҳа ақырҭуа диман. Н. С. Хрушьчови
иԥҳәыси В. Мжаванаӡеи иԥҳәыси еиҳәшьцәан, Н. Хрушьчови В. Мжаванаӡеи еимаҳәылацәан. Призидиум ВС СССР
маӡаныҟәгаҩыс дыҟан Георгаӡе М. П.
Ажәакала И. В. Сталин Л. П. Бериеи рышьҭахьгьы, СССР анапхгара акырӡа зыӡбоз Қырҭтәыла иадгылоз ракәын, даҽакала
иуҳәозар, ақырҭқәа иаарҭахыз ҟарҵартә аҭагылазаашьа
ыҟан. Уи рхы иадырхәарц аҵарауаа, шәҟәыҩҩцәақәак уҳәа,
еицырдыруаз ақырҭқәа аҩра иаҿын Аԥсны алахьынҵа

зыӡбоз ашәҟәы ду. Иарбан ҵакы хадас иамаз? Аҷоуцәа автономиа роуит адинхаҵара мацарала, уаҳа акгьы, избанзар
ииашаҵәҟьаны иқырҭқәан. Автономиа рырҭеит асовет мчы
анышьақәгыла. Аамҭа цеит. Аидеологиас иҟалеит акоммунизм.
Аҷоуцәа автономиа рымхра зынӡаск имариан. Аԥсуаагьы
ақырҭуа жәларшьҭрақәоуп ҳәа агәра ддыргахьан Асовет мчы
анапхгара.
Ишысҳәаз еиԥш, октиабртәи ареволиуциа 50 шықәса
аныҳәа ду рхы иархәаны, азҵаара ықәдыргылон Автономиатә
республикақәа ҩба – Аԥсни Аҷариеи раԥыхра (упразднить).
Қарҭгьы Москвагьы иҟан ауаа дуқәа гәыкала аԥсуаа бзиа
избоз, милаҭк аҳасабала ҳаиқәырхара азыҳәан иаарылшоз
ҟазҵоз.
Хыхь исҳәаз азҵаара – Аԥсны автономиа амхра Москва
азҵаара анықәгылалак иаҿагылаша, аԥсуаа рҿахәы зҳәаша
шәҟәык шьҭазар акәын, заагьы ирыҭатәын.
Уи аҩыза ашәҟәы аҩра ауадаҩрақәа даара ирацәан.
Еизгалатәын афактқәа, иԥшаалатәын адокументқәа, ирацәа­
жәалатәын аиуристцәа, аҭоурыхҭҵааҩцәа, аекономистцәа,
аполитика ду бзианы издыруа.
Ашәҟәы ҩтәын хшыҩ хьшәашәала, аԥсуаа ишырҳәо еиԥш,
иҩтәын ахаҳә еиҟәнажәо, акы иузамамкуа. Иҵегьы, даараӡа
ишәарҭаз КГБ акәын. Избанзар Аԥсны КГБ Қырҭтәыла Анапаҿы
иҟан, Амала иҳәатәуп Қырҭтәыла анапаҵаҟа ишыҟазгьы, КГБ
аҟны аус зуаз аԥсуаақәак гәыла-ԥсыла иаԥсуаан. Убарҭ иреиуаз ауаа, дара рхаҭақәа шаҳаҭуп, ҩынтә сеиқәдырхеит, абахҭа
аҭакра акәӡам, маӡала сышьра иашьҭаз рҿынтә. Уи афакт
саԥхьаҟа исҳәоит, рыхьыӡқәа, рыжәлақәа нацҵаны.
Ишысҳәаз, апрель (мшаԥы), 1967 шықәсазы жәлар реизара ҟалаанӡа, шықәсык инареиҳаны, ашәҟәы аҩра ҳалагахьан
аеҳәшьцәа Шьаҟрылԥҳацәеи сареи. Дҳаман, акыр зықәра
иҭысхьаз бырзен ԥҳәыск, луадаҿы игылан кьыԥхьга машьынкак. Ақырҭуа фашизм зхызгаз – Аԥсны иқәырцаз лакәын,
ҳәарада ргәаӷ лыман. Икьыԥхьны даналга, капеик лымгеит,
акьыԥхьра мацара акәым, афактқәагьы ҳаҵалҳәон.
Ҳамаӡа ду, даараӡа зыгәра ҳгоз аԥсуаагьы ираҳҳәаӡомызт,
баша еиқәшәарак еиԥшшәа ҳрацәажәон.

Ашәҟәы аҵыхәтәанӡа иҩны, машьынкала икьыԥхьны
ианыҟала, ҳәарада, анапаҵаҩра азҵаара цәырҵит. Ашәҟәы
шьҭтәын СССР анапхгара ду ашҟа.
Анапаҵаҩра аан, ҳахҩыкгьы ҳҳәатәы еиқәшәеит. Екатерина длакҩакуан, аамҭа сышәҭ сазхәыцып лҳәеит. Сара
инаҿаршәны мап ацәыскит.
Иарбаныз еиҳараӡак ҳҳәатәы ахьеиқәшәоз? Амаҵура
дуқәа ирхагылаз ақырҭқәагьы аԥсуаақәакгьы ахара рыдаҳҵон,
аҳәынҭқарра аҵаӷьычреи аҵарҭышагареи рзы. Уаҩрала, дарбаныз иззымдыруаз чынуаа дуқәак зҿыз? Ажәала аҳәара
мариоуп, унапы аҵаҩны ашәҟәы ашьҭаҵара, уи иаанагоит азашшра, насгьы ҳабашшуеи? Иреиҳаӡоу анапхгарахь.
Ҳара ҳнапала абахҭа ҳҭатәон, абахҭа учҳап. Иҵегьы еицәоу
ҳзыруан: клеветники, ацәгьаҳәацәа, абас иҟоу ауаа ракәын
Аԥсны зыхьчоз ҳәа, убасҟак ҳцәа ԥырҽуан, Аԥсны ҳақәҵны
ҳцартә ҳҟарҵон.
Ажәакала, ашәҟәы ду анапаҵаҩра аан ҳҳәатәы анеи­
қәымшәа, иҳаӡбеит абас. Зыгәра ҳго, аԥсуаа иуристцәақәак
маӡала иаҳарԥхьап, ирҳәо ҳаҳап, убри ашьҭахь ҳахҩык
ҳнапқәа наҵаҩны Кремльҟа ираҳҭап ҳәа, насгьы аамҭа
ҳаман. Аха ахҭыс дуқәа убасҟак иццакны ицон, итҟәацыз
асыԥса иаҩызаха, Гәдоуҭа, Гагра, Очамчыра араионқәа рҟны,
ақалақь Тҟәарчал уҳәа аизарақәа, еиҳараӡак аҿарацәа
Қырҭтәыла иаҿагыланы ақәгыларақәа мҩаԥысуан, ишнеишнеиуаз, анхацәагьы нарыцгылан, ишысҳәаз еиԥш, зықьҩыла
ажәлар еизан афилармониа ааныркылеит. Ҳашәҟәы ианқәаз
реиҳараӡак ажәлар рхаҭа аҳәара иалагеит.
Ишысҳәаз еиԥш, Аԥсны аиҳабыреи ажәлари рҳәатәы
анеиқәымшәа, иҟарҵара рзымдыруа ианааилаха, идуцәамыз
гәыԥҩык аԥсуаа ҳааицәажәан, ҳашәҟәы анапаҵаҩра ада
имазеины иҟаз, сызқәшаҳаҭымыз ахшыҩҵакқәа иҵәаӷәаны,
иагырханы, сара иансыдырҵа, афилармониа аҟны ажәлар
сырзаԥхьеит. Еиҳараӡак иақәшаҳаҭхеит, аха ҳашәҟәы аҟны
иҳәаӡамызт, аҵыхәтәан хшыҩҵак хадас иҟалаз. Рызегь
иақәшаҳаҭны, ақәшаҳаҭра ажәала акәым, зықьҩыла рнапы
аҵаҩны ишьҭырхит абасеиԥш:
«Абхазия не может более оставаться на автономных началах в составе Грузинской ССР».

Уаанӡа 1947, 1952, 1953, 1957 уҳәа, Аԥсны зыхьчоз
ашәҟәқәа зегьы, аӡәык, ҩыџьак, хҩык уҳәа хатәы гәаа­
нагарақәан. Урҭ ашәҟәқәа ирылшақәаз даара ирацәан,
аха уамак иахаҵгыломызт СССР анапхгара. Дарбанзаалак
авторцәа аӡәгьы днаганы ирмацәажәацызт Кремль ачынуаа дуқәа. Убригьы ҟарҵартә ажәлар ирылдыршеит. Ажәлар
рхаҭарнакцәа уҳәа ЦК КПСС аҟны ҳрыдыркылеит ааҩык
аԥсуаа. Ажәалагьы иҳәаны ҳнапы аҵаҩны ашәҟәы рнапаҿы
идҳаркит.
1967 шықәса, апрельтәи (мшаԥы) ажәлар реизара
шықәсык инареиҳаны, ашәҟәы аҩра ҳалагахьан. Ҳаҟан
ԥшьҩык ауаа: аеҳәшьцәа Шьаҟрылԥҳацәеи, даҽаӡәи сареи.
Аԥшьбатәи, изыхҟьаз сыздыруам, абжеиҳарак ҳаҩхьаны
даҟәыҵит. Раԥхьатәи авариант 100 даҟьак раҟара иҟан,
ашьҭахь иҳаркьаҿит 72 бӷьыц раҟара.
Уеизгьы-уеизгьы иҳәатәуп даҽакгьы. Ишысҳәаз еиԥш,
ҳашәҟә ду иааркьаҿны санаԥхьа, иӡбаны ишьҭыхын, сзыԥхьаз
ашәҟәы ҵаҵӷәыс иҟаҵаны, иҵегьы иааилацалан иаҳҩырц. Уи
рҩырц азыҳәан ҩажәаҩык раҟара ауаа алырхит.
Шықәсык инареиҳаны, маӡала хҩык ауаа иаҳаҩуаз ашәҟәы,
уажәшьҭа иаахтны, раԥхьа иқәҵаны, цхыраагӡак аҳасабала,
зегьы ирбартә астол инықәаҳҵеит. Машьынкала икьыԥхьны
ҩажәаҟа даҟьа ирмазеины иаҳҭаххозар ҳәа, ҳашәҟәы дугьы,
аҩбагьы ааидкыланы Москваҟа иаҳгеит хҩык. Ҳашәҟәы ахаҭа
сара сыкәа иҭаҵаны изгеит.
«Иаахтны астол иқәырҵеит ҳашәҟәы» ҳәа зысҳәаз,
иахылҿиааз шәасҳәап. Иҵәаӷәаны сырмыԥхьаӡеит рыжәла­
қәа, рыхьыӡқәа Аԥсны аобком аҩбатәи амаӡаныҟәгаҩ Д. В.
Гогохьиеи Аԥсны аминистрра аиҳабы М. В. Чиковани.
Ишысҳәаз еиԥш, иҵәаӷәан сагьамыԥхьаӡеит рыхьыӡқәа,
рыжәлақәа, аха ҳашәҟәы изҭаху даԥхьартә астол ианықәла,
ҳәарада «аҟаԥшьқәагьы» аԥхьеит. Ашәҟәы зҩыз ҳацәгьа
рҳәеит, даҽакала иуҳәозар, Д. В. Гогохьиа иарҳәеит аҳәынҭ­
қарратә ԥара аӷьычра ҳәа ахара шидҵоу. Афилармониа аҟны,
иааилацаланы ашәҟәы аҩра ианаҿыз, уи ҩаха-хаха иаҿын,
убри аамҭазы, уахык аҵхыбжьон икабинетахь снаиԥхьеит Д. В.
Гогохьиа. Снаиԥхьеит, избанзар ашәҟәы сахьаԥхьаз азыҳәан,

насгьы жәлар реизара инеимда-ааимдо имҩаԥаагон Ҭамара
Шьаҟрыли сареи. Д. В. Гогохьиа икабинетахь саннеиԥхьоз,
убри аухаҵәҟьа днарыԥхьан, Е. А. Шеварднаӡе диацәажәарц
Қарҭҟа дрышьҭит Ҭамара.
Акраамҭа ҳажәеимакқәа рышьҭахь, икабинет сандәылҵуаз:
«Мне Вас очень жаль, видимся последний раз, прощайте»,
– иҳәеит. Икабинет ыҟан ахԥатәи аихагылаҿы. Санылбаауаз исывагылан исыцлыбааит исзымдыруаз џьоукы, ҩыџьа
ахацәа. Сдәылҵуаны, ашә ааигәара иҟаз уадак сыҩнаргалан,
руаӡәк астол дадтәаланы акы иҩуан, егьи сышьҭахь дгылан
ашә аркны. Аҩыџьегьы уаангыл, уаангыл аамышьҭахь уаҳа
ажәак рҳәомызт. Ашьҭахь еилыскааит сааҭк аҟара саанкыланы
сышрымаз. Уца! – рҳәан, адәахьы сындәылҵын, уажәы Н. Марр
ихьӡ зху, усҟан Ф. Енгельс ихьӡ зхыз амҩаду саныланы сышнеиуаз, Аҭынчра апроспект аҟны снеиуаны аамҭазы, алашьцара иҽалакны даасыдххылан, сыжәҩа нҭарсны, ажәак аҳәаха
сымҭо, сырқәасқәасуа, ааигәа игылаз имашьына ашьҭахьтәи
ашә ааиртын, сынҭеиҵеит Габрушьа Кәыҵниа. «Ухы ларҟәы,
ҵаҟа уца! Уршьуеит, уршьуеит», – иҳәан, мчыла имҵадырсыз
аԥҳәызба сылҩызаха, ихы шхаз, анаҟа-араҟа дымҩахымҵкәа,
Маиак (Алашарбага) ашҟа симаны дцеит. Сашьцәа раҟара
зыгәра згоз Габрушьа, ҩнык аҟны снеиган, алашара амыркыкәа,
ашә ааиртын, сныҩнакны дцеит. Ашара сааҭк аҟара шагыз,
Габрушьа ашә цаԥхала иааиртын, саадәылганы, инахараны
даҽа ҩнык ахь сганы сиҵәахит, иҟалаз сзықәшәаз ҳәа акгьы
сзымдыруа. «Иҟасҵеи, уара, иҟалазеи?» – ҳәа саниазҵаалак:
«Даҽазны иуасҳәап», – иҳәон, уаҳа акгьы.
Аамҭақәак анҵы ашьҭахь, Габрушьа исеиҳәеит иҟалаз.
Д.В. Гогохьиа икабинет сандәылҵ, «аҟаԥшьқәа» аҭел
дыр­засит: «Абыржәы сара сҟынтәи ддәылҵит, ҵаҟа ԥыҭрак
даанышәкылоит, афилармониахь дцоит, амҩан изутәу шәара
ижәдыруеит» ҳәа, – адҵа риҭеит, иахьырҭаху сыргарц, џьара
сыршьырц.
Хыхь ишысҳәаз, Аԥсны КГБ Қырҭтәыла анапаҵаҟа
ишыҟазгьы, уаҟа аус руан Аԥсны иадгылоз аԥсуаа. Д. В. Гогохьиа адҵа анриҭа, уаҟа аус зуаз Иура Михаил-иԥа Кәыҵниа
ҭелла реицәажәара иаҳаит. Даҽа ҭелк ала Габрушьа дизасит,

сара сыршьырц адҵа шрымоу. Егьиашаҵәҟьаны Габрушьа
сахьымҵаирсыз инахарамкәа сызшьуаз иԥшны игылан.
Абарҭ ауаа ахацәақәа Иура Михаил-иԥа Кәыҵниеи, Габрушьа Ӡыкәыр-иԥа Кәыҵниеи сеиқәдырхеит. Убасҵәҟьа
деиқәдырхеит Ҭамара Шьаҟрылԥҳагьы.
Ҩажәак еихысҳәаалоит.
Ҳиааира дуӡӡа ашьҭахь, амҩаду аҟны, машәырла ҳаи­
қәшәан, ҳшеицәажәоз дааԥышәырччан, зыԥсаҭа шкәакәа­
хаша, Ҭамара лафны ус дсазҵааит:
– Анкьаӡа зны, сымҵарсны сызгоз, сеиқәзырхаз Акәыҵниа
иԥсы ҭоума, деибганы далҵыма аибашьра, акыр удыруама?
ҳәа.
– Иҷкәынцәа аҩыџьегьы иваргыланы деибашьуан, Аҭара
командирс дыҟан. Ихаҭагьы иӷәӷәаны дхәын, Анцәа иџьшьаны
деиқәхеит. Иҷкәын аиҳабы акгьы имыхькәа аибашьра далҵит.
Егьи, иҷкәын аиҵбы даараӡа иӷәӷәаны дырхәит. Аиарҭа дамадоуп, дызгылаӡом, – анысҳәа, лӡамҩақәа инарыхьыкәкәеит
лылабжышқәа.
Ишысҳәаз еиԥш, сара сеиԥшҵәҟьа Габрушьа деиқәирхеит
Ҭамара. Уи шыҟалаз абас ауп.
Қарҭ дганы, Е. А.Шеварднаӡеи лареи реиқәшәара ашьҭахь,
«ҳашьцәа» иӡбаны ирыман, уаҟа Қырҭтәыла атерриториа
аҟны акәымкәа, Аԥсны, Аҟәа данааилак даԥырыргарц. Уи
Бериа иусушьаҵәҟьа акәын. Ишьырц ииҭахқәаз рзы аԥсуаа
ҳнапала убас документқәак еиқәдырҽаҽон, иршьуаз ауаҩы,
аԥсуаа сыцәгьа рҳәеит, сырҭиит иҳәартә иҟарҵон.
Хыхьгьы исҳәахьеит Қарҭгьы иҟан Аԥсны гәыкала бзиа избоз, ирылшоз ала, Аԥсны аиқәырхара иаҿын.
Анцәа иџьшьаны иԥсы ҭоуп, ишиаҳаз иара ихаҭа иҳәап,
сара ибзиаӡаны издыруа акоуп. Қарҭынтәи иаауаз адәыӷба
Кьалашәыр, иаарыцқьаны минуҭзаҵәык иаангылон. Убри
аминуҭ ихы иархәаны, Ҭамара дызҭаз авагон дыҩҭалан, сара
ишысзиуз еиԥш, ажәак аҳәаха лымҭакәа, лыжәҩа аанкыланы, даалбааганы, ианаацәылашоз имашьына дылҭаҵаны
диҵәахит. Лара дырбаандаҩны, абахҭахь акәымкәа,
абнаршәырахь, уаҩԥсы дахьимбаша дыршьырц, Аҟәа адәыӷба
аанҿасырҭа ду аҟны илзыԥшын.

Ашьҭахь, шьыбжьонеиԥш, даҽа, машьынак ала, даҽа џьоукы
лыҩныҟа днаргеит, иларҳәеит лхала ддәылымҵырц.
Ишысҳәаз еиԥш, КГБ иалақәаз иҳацхраауаз аԥсуа хацәа
бзиақәа ыҟан, аха ҳрыцҳара згаша, ақырҭқәа раҵкыс еицәаха,
иаҳҿагылоз, ҳазҭиуаз аԥсуаагьы ыҟагәышьан. Урҭ КГБ иала­
қәаз рыдагьы, иҟан иҵегьы еицәақәаз аԥсуаа ачынуаа.
Убри анысҳәа, сажәа снаԥыҩланы, ишәасҳәап иҟаҵәҟьаз.
Убри ала агәра жәгап, аԥсуаа чынуаақәак, ақырҭқәа раҵкыс
еицәаха ҳазҭиуаз.
1966 шықәса, сентиабр мзазы Қырҭтәыла, ашьхатә Курорт
Бакәуриани имҩаԥысуан Қырҭтәыла ЛКСМ ацентр комитет
аԥшьгара аҿарацәа рсеминар. Аԥснынтәи иалахәын адраматург Р. Џьопуа, арежиссиор С. Мревлешвили, апоет Г. Каландиа,
акомҿареидгыла Аҟәатәи ақалақьтә комитет амаӡаныҟәгаҩ Џ.
Анҭиа, ашәҟәыҩҩы, ажурналист, арҭ ацәаҳәақәа зыҩуа.
Асеминар мҩаԥыргон Қырҭтәыла еицырдыруа ашәҟәы­
ҩҩцәа, апоетцәа, адраматургцәа, арежиссиорцәа. Иалахәын
ЦК ЛКСМ СССР амаӡаныҟәгаҩцәа. Асеминар аҟны, ҩынтәхынтә сықәгыланы сцәажәахьан. Убри азыҳәан сгәеиҭазаап,
хәылбыҽхак, акакалкырҭа аҟны, Москватәи асасцәеи, Қарҭтәи
чынуаақәаки ҳаидтәаланы ауараш аажәуан.
Дааҩналан дааҳадтәалеит, Қырҭтәыла апартиа актәи ама­
ӡаныҟәгаҩ, ицхырааҩыс аус зуаз Реваз Сулакаури, имаҵура
аамышьҭахьгьы, ажәеинраалақәа иҩуан. Асеминар аҟны
ҳаибадырын, ҳаҭыр еиқәаҳҵон ақырҭуа шәҟәыҩҩцәа аешьцәа
Гелиӡеаа. Убарҭгьы ҳадтәалан. Ауараш аамышьҭахьгьы, аҩгьы,
ауаткагьы ҵәыцақәак анаанаҳкыла, лафшәа, зегьы ираҳа-­
ртә, урыс бызшәала ус ҿааиҭит Реваз Сулакаури ихы насықә­
кны:
– Мы думали, что ты националист номер один, оказывается, ты занимаеш и не первое, и не второе, даже пятое место
занимаешь, – иҳәеит.
– Если я занимаю пятое место, это замечательно, пять
– это отличная оценка, – саргьы алаф налсхит, мчыла
сҽаанкыланы.
– В национальном вопросе в каком он месте, я не знаю, но
хорошо знаю, то что наш Джума Ахуба хороший писатель, –
иҳәеит Ҭамаз Ҷилаӡеи.

Уи ауха уаҳа ажәак мҳәакәа, сахьыҩназ ауадахь сцеит,
изызӡарызеи даара ихьаазгеит апартиа ачынуаҩ ииҳәаз ажәа
бааԥс «националист».
Адырҩаҽны акгьы смаҳаӡазшәа, аԥсшәа еибыҳәо, ҳаи­
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 39
  • Büleklär
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3297
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2168
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3320
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2205
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3316
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2137
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3287
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2274
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3310
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2217
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3312
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2192
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3344
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2253
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3343
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2243
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3376
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2272
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3361
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2270
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3391
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2253
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3305
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2240
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3306
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2239
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3344
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2122
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3341
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2196
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3317
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2193
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3387
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2182
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3341
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2238
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 19
    Süzlärneñ gomumi sanı 3344
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2149
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 20
    Süzlärneñ gomumi sanı 3317
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2281
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 21
    Süzlärneñ gomumi sanı 3324
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2241
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 22
    Süzlärneñ gomumi sanı 3363
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2230
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 23
    Süzlärneñ gomumi sanı 3382
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2125
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 24
    Süzlärneñ gomumi sanı 3392
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2127
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 25
    Süzlärneñ gomumi sanı 3405
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2240
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 26
    Süzlärneñ gomumi sanı 3292
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2235
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 27
    Süzlärneñ gomumi sanı 3317
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2213
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 28
    Süzlärneñ gomumi sanı 3332
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2237
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 29
    Süzlärneñ gomumi sanı 3332
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2251
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 30
    Süzlärneñ gomumi sanı 3299
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2291
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 31
    Süzlärneñ gomumi sanı 3267
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2345
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 32
    Süzlärneñ gomumi sanı 3318
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2355
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 33
    Süzlärneñ gomumi sanı 3308
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2234
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 34
    Süzlärneñ gomumi sanı 3318
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2304
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 35
    Süzlärneñ gomumi sanı 3386
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2303
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 36
    Süzlärneñ gomumi sanı 3299
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2329
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 37
    Süzlärneñ gomumi sanı 3306
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2320
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 38
    Süzlärneñ gomumi sanı 3363
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2108
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 39
    Süzlärneñ gomumi sanı 3361
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2193
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 40
    Süzlärneñ gomumi sanı 3410
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2206
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 41
    Süzlärneñ gomumi sanı 3336
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2182
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 42
    Süzlärneñ gomumi sanı 3265
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2139
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 43
    Süzlärneñ gomumi sanı 3370
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2247
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 44
    Süzlärneñ gomumi sanı 3336
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2147
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 45
    Süzlärneñ gomumi sanı 2585
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1744