Latin

Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 35

Süzlärneñ gomumi sanı 3386
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2303
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Сназхәыцит ҳарҭ, Аҳәбақәа ажәытәтәи ҳажәла Кәыҿба. Иахьагьы иҟоуп аԥсаатә акәыҿба ҳәа. Дара, Акәыҿбақәа иахьагьы адыргасахьас ирымоуп аԥсаатә акәыҿба.
Март 28, 1997ш., ахәаша
Еицәоу умбакәа, еиӷьу уздыруам, иҳәеит.
Анцәа иитәыз атәылаҿы ииз, ҳарҭ, асоветуаа лахьын­
ҵацәгьақәа, ҳазҭагылаз, иҳаԥсҭазаашьаз ҳханаршҭит, ҳааины
еицәаз аамҭа ҳанҭагыла.
Ус дишеит ауаҩы дызшаз – иацтәи амш дахьҵәуоит, дацәы­
харахацыԥхьаӡа аидеализациа азиуеит, уаҵәтәи амш бзиахап
ҳәа дақәгәыӷуеит.
Бырзентәылатәи ажәытәӡатәи афилософ ду Платон шаҟа
ииашаны иҳәазеи агәыӷра азыҳәан: «Агәыӷра – измыцәо ауаа
ирыԥхыӡуп». Аха иароуп зқьышықәсала ауаатәыҩса аазго.
Гәыӷра дула шаҟа ухы ужьо, убасҟак иласхоит ужәҩа иқәу
аидара, шьыжь шәаԥшь уеигәырӷьо уалагоит. Абри акәзар
аҟәыӷара? Ҟәыӷара хәыҷык сылазар еилыскаарц азыҳәан,
схы сназҵааит:
– Уҟазшьақәа рахьтә реиҳа иуцәымӷузеи?
Аҭак:
– Сычҳара ахьмаҷу.
Даҽа зҵаарак:
– Зегь реиҳа бзиа иубауа?
Аҭак:
– Ашьыцра бааԥс ахьсылам.
Схы сназҵааит даҽакгьы:
– Дарбану иҟәыӷоу?
– Зыбзи зыхшыҩи жьи наԥхи реиԥш еидҳәалоу.
– Дарбану ибзамыҟәу?
– Зыбзи зыхшыҩи иҿи итәарҭеи реиԥш еицәыхароу.
Инацысҵеит: «Дҟәышзар, дычҳа абзамыҟә. Аҟәыш уара
уичҳауеит».
Абас схы сшацәажәоз, ашәхымс даалагылан:
– Усыцаала, џьанаҭ џьаҳаным алаԥшрагьы усҭоит, – иҳәеит
Аԥсцәаҳа.

– Анарцә сызцозеи, ара, аарцәы иҟоуп џьанаҭгьы џьа­
ҳанымгьы, – сҳәеит.
Март 30, 1997 ш., амҽыша
Ажәытәи аҿатәи раҳаҭыреиқәҵара, арыцҳаибашьара уҳәа
ҳшалацәажәоз ус ҿаалҭит сан:
– Иумдыруеи, нан, ҳҳабла Аҭара Ахәы, ҳаӷацәа ирыблаанӡа,
амца еимаҳдо ҳаигәылацәан Бҷииааи ҳареи. Уажәы, анцәа
иџьшьаны, ԥыҭҩык ыҟоуп дара. Урҭ зхылҵыз, рабду Кәнач
ихьӡын. Бҷииа Кәнач ҳәа ақыҭаҿы деицырдыруан. Аԥсасеи
ашьамаҟеи убасҟак иман, ичеиџьыкагьы убасҟак ибзиан, агәыла дымҩахыҵыргьы, Нхыҵынтәи асас диҭаазшәа,
ашьтәа лкажьны ишьуан. Иқьиара, иразра, ҳазшаз ибеит,
дирҿиеит, аха уи итәы акәым уажәы зыӡбахә сымоу. Кәнач
иԥҳәыс Кәыҵниа-ԥҳан, Арифа лыхьӡын. Ԥшра-сахьала уамак далаҟамызт, дегьцыркьуан, Арифа ԥсаҭа шкәакәа, аха
убасҟак дыԥҳәыс разын, дымныҳәакәа дцәажәаӡомызт. Ҽнак
иҟалҵаз шәасҳәап Арифа. Ааԥынра анниаслак, аԥхын шаҟа
иааигәахо, шаҟа ишоурахо, ишыжәдыруа Кәыдры мыжда
хыҵуеит, нырцә, аарцә еимарҩызааны аҿыҩанахоит, насгьы
ишԥахыҵуеи? Маӡала ицҳауа ала иаҩызоуп. Уанҭало аԥсы
ӡаны, ахаҳәқәа ааԥшуа илеиуазар, агәҭа унеиаанӡа ихыҵны
иужәлар ауеит. Абас иаалырҟьаны аӡхыҵра зыжәлаз аӡәы аӡы
даанахәеит. Ҽыла дыҟан иара. Иҽгьы иаргьы аӡы ихнаҵеит.
Кәыдры ахәы иқәгыланы иԥшуеит ажәлар. Еилахәашьӡа,
нырцәи-аарцәи еимарҩызаны, хаҳәи-мҿыхәи еигәыдҵауа
илеиуеит, аха ишԥалеиуеи Кәыдры! Ишьҭнаԥааз аҽуаҩ иҽгьы
иаргьы зны инӡааҟәрылеит, дашьит, дыҟам шуҳәо, нахьхьи џьара даацәырҵуеит, нас еиҭах дынӡааҟәрылоит. Ауаа
гәжәажәоит, аха ҭалашьа рзыҟаҵом, излаицхрааша рыздыруам. Убри аамҭаз Кәнач иԥҳәыс Арифа лшьамхы ҩарсны,
лыбжьы ҩҭыганы Анцәа диҳәеит, аныҳәагатә лықәылҵеит:
«Иа, анцәа сызшаз, аӡы иаанахәаз абни ауаҩ аӡы дамшьыкәа,
деибганы далга, иԥсы ацымхәрас хәыц еиқәаҵәа злам ауаса ԥсаҭатәыс ишыҟасҵо сҭоубоуп, ҿаҭахьа зуеит» ҳәа. Аӡы
иаанахәаз иҽи иареи еиҟәнагеит, аҽы зынӡа иӡааҟәрылаӡеит,

иаргьы дыҟам, дашьит шырҳәо, зны дынӡааҟәрыло, нас аарла даацәырҵуа, дгәаҟӡаны, ииулакгьы ахықә иҽықәижьит, зегьы еигәырӷьан ицхрааит, ахәахьы дхаргалеит. Аӡы иҿыҵуан,
убасҟак ихәлаҵәахьан. Усҟан амаҭәа азыҳәан иоуӷархымыз,
изакәыхи, имаҭәа рыԥсахып ҳәа уҟазу, уапак икәыршаны
днадыртәан, имаҭәақәа рыӡәӡәеит, амца иҽҳәаҵаны идырбеит. Уажәшьҭа иаргьы иԥсы анҭала Арифа аҿаҭахьа иҟалҵаз
налыгӡарц даналга, ус ҿааиҭит:
– Иаасараӡа, аҩнынӡа снабжьысуеит, иаарласны сыха­
бар бсырҳауеит ҳәа. Кәтолтәын иара, Ҭемраз ихьӡын, Кәа­
ӷәаниан. Иҽы аӡы иагахьан, аха Аҭарантәи Кәтол шьапыла дрышьҭуазма. Ҽык ааизырԥшаан дрышьҭит. Имчыбжь
ааҵхьанеиԥш Ҭемраз дааит, аха дышԥааи! Арифа лызынмаҭәа
ҟаҵаны, ауаа ицны, аҽыхәа ивакны, аҳәса ркәадыр нақәҵа
илзааигеит. Кәнач ауа-аҭынха еизигеит, ацә лкажьны изишьит, Арифагьы лныҳәагатә ҟалҵеит, лгәыԥҳәы дадырцҳаит,
дхәыԥҳахеит Ҭемраз. Есышықәса амшаԥ азыҳәан, ма иара
даауан аҳамҭақәа иманы, ма санаӡӡеи лхәы ҳәа хаа-мыхаак лзааимҭир иуӡомызт. Изуасҳәазеи, нан, абри ажәабжь?
Ақьиара, агәыразра зегьакоуп иӡӡом, иҵыхәтәа иазеиӷьхоит,
иумбои Кәначи Арифеи рҵыхәтәа бзиахеит, насгьы, нанхеит,
ажәытәан усҵәҟьа игаӡамызт, аиӷарара аҵкыс аиуара, аҭынха
ирҳара акәын изышьҭаз, баша ирымҳәеит: «Аҵла гылоуп
ԥашәла, ауаҩы – ҭынхала» ҳәа.
Апрель 19, 1997 ш., асабша
Аҳаԥшьа анхуртлалак, акәапеи цқьала, аҩы цқьа нҭаҭәаны
иужәуеит, нас зны-зынла еирыӡла, ԥҳалла иҭыганы асасцәа,
уҭаацәагьы хәыҷы-хәыҷла идуржәуеит, иааҭарцәны, аҳаԥшьа
иҭоу аҩы анынҵәалак, уҽузнымкылар, укәапеи ах аагара иалагоит, уаҩы изымжәуа.
Ианаамҭоу аҽаанкылара…
Ауаҩы мацара иакәым, аԥсабарагьы ианаамҭоу аҽазаа­
нымкылар, ҳазшаз ҳаицәымӷхеит рҳәо иалагоит ауаа.
Изхысҳәаауа, ауаҩ гәыраз, ауаҩ ҟәыӷа дтәаны иӡбуазар
изыӡбарымызт убасеиԥш иҟаз ӡынра бзиан сынтәатәи аӡын.

Аҳауа мыцхәы иԥхацәамызт, амцхәгьы ихьҭацәамызт. Ашәа­
ԥыџьаԥ иаарычҳартә аҟара иҵааит, даараӡа иԥсыҽқәаз
ракәымзар, ашаԥыџьаԥ «ишьҭырхыртә» аҟара асы ауит. Зны
иауит ибыбышӡа, иласкәантраӡа, ҽазны, ихьанҭаӡа, ицәаакӡа.
Абас ишааиуаз, ааԥынра ааигәахара ианалага, заацәаны
иаамашь, абҳәасақәа, аҳақәа, атамақәа уҳәа иажьарымашь,
нас ахьҭа рысыр ҟалоит ҳәа уаҩ дацәшәо ишыҟаз, ааԥын ааира аҽааннакылеит.
Уи бзианы иҟанаҵеит шаҳҳәоз, иаҳа-иаҳа иаланахалацәо
мацара, даараӡа иацәыцәгьахо иалагеит ааԥын ааира. Абар,
иахьа апрель зеижәуп. Икыдхҽаны ақәа леиуеит, аҳауа
акәзар, апиджак узымхо ихьшәашәоуп, акурткақәа ршәуп
ауаа. Зыхшароура цәгьахаз аԥҳәыс илҩызахеит ааԥын аира.
Иауам, ишьацәырххоит, ацҳа иқәымло аҽы иаҩызоуп. Абри
аӡыни, абри ааԥыни уанрызхәыцуа, нас ухаҿы ианааугалак
Аԥсны аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзыҳәан иахнагақәаз, шаҟа
еиԥшузеи угәамхәыр ауам.
Апрель 27, 1997 ш., асабша
Аԥсуа хәшәқәа рзыҳәан сан иахьа исалҳәаз анысҵоит.
– Ужьы чмазаҩханы иҭабаауазар, ажц абӷьы ааҿыхны,
амцабз инахурҟьоит, иааурканӡоит, иахьҭабаауа инақәҵаны
иааҿоуҳәар иарӷьоит.
Аҩбатәи ахәшә.
Абжьынҵ шьапқәа, рԥашәқәа хԥа инеицәыхара-неицәы­
хараны ииқәаз ааҵхны, ибзианы иааҟәаҟәаны, аӡы наҵауҭәоит,
иааиҵаурԥхьоит, аҵәыцак азна ужәуеит.
Абри хәшәыс иамоуп ахацәа рыӡкамҭәара (аденома).
Иацы Аҭара чарак аҟны сыҟан. Ҩыџьа ахацәа еицәажәон:
– Аибашьраан уаӷоу дызлаԥшыша иақәшәеит имаҷҩымкәа
аҭаацәарақәа, рынхарақәа нықәыццышәаа ирблит аӷацәа.
Иҟоуп ахәыҷқәа, ргәы ҭҟьаны, ишәан, иалаԥсуа ачымазарақәа
ҵыргеит, – ҿааиҭит аӡәы.
– Иҳаԥсыхәозеи? – днаиазҵааит аҩбатәи, – аныҳәагатә
ҟаҳҵеит, Елыр-ныха ҳамҵагылеит. Уаҳа иҟаҳҵари?
– Анцәа шәиҳәоит. Уи зегьы бзиоуп. Аха ирыхьзеи, ԥыҭҩык
ирыхьзеи, Анцәа дызхарымҵозеи?

– Ишԥа, Анцәа дышԥахарымҵои?
– Мап, Анцәа дхарҵаӡом. Анцәа дхазҵо ауаҩы, Анцәа игәы
иамыхәо ҟаимҵароуп, узыхшаз данычмазаҩха ддәылуцазар,
думбазар, уи Анцәа ӷас дҟауҵеитоуп. Узӷьычуазар, уи Анцәа
ӷас дҟауҵеитоуп. Аҭакәажә лынхара амца ацроуҵазар, Анцәа
иакәӡам, аҩсҭаа инапаҿы уҟалеитоуп.
– Наҟ уаҟәыҵ. Ишәасҳәоит ҳзырччаша. Ԥҳәыск, иҳәеит,
жәабран мгьал ӡны ианааҽҳәылхуаз аамҭазы, иҳәеит,
ашәаџьҳәаҩ ашҭа дааҭалан: «Баб дыԥсит», – иҳәазаап.
Аԥҳәыс ашырҳәа лмаҵурҭахь даахынҳәын, лжәабран мгьал
ашәындыҟәра инҭаҵаны, аԥсрахьы дцеит иҳәеит. Лаб
дахьылцәыӡыз, амыткәма иналалҵеит: «Шәындыҟәрак азна
агәырҩа змоу уԥҳа мыжда, сабацари са-баа», – иҳәеит.
Маи 11, 1997 ш., амҽыша
Иацгьы иахьагьы сан иаалҳәақәоз анысҵон. Абар дара.
– Уихаанми, нан, дугәаламшәои ҳқыҭан инхоз, – лҳәан
ихьӡ лҳәеит Б.К.
– Дышԥасгәаламшәои, ашкол санҭаз, иҩны аԥхьа ҳаиасны
ҳанцоз ҳанаауаз, шәымҩахыҵ, шәааи, атама, аҵәа шәфа ҳәа,
– ҳазҿиҭуан, ҳамҩахигон.
– Убри, нан, ирҳәоит, даныҷкәыназ, абга дақәтәан ҳәа. Уи
зегьы ирдыруан, ицәшәон, иашҭа иҭалар рҭахымызт. Ашьҭахь,
иԥсаҭа шкәакәахааит, дыԥсхьеит, дихәышәтәит Шьааб ҳәа
Кәыҵниак.
– Дихәышәтәит бҳәоу? Ахәшә амоума?
– Иамоуп. Абга иақәтәоу хәышәтәышьас имоу акы заҵәык­
оуп. Убри ахәшә идыруан Шьааб.
Ҽнак Шьааб ус иеиҳәеит Б.К.:
«Уаҵәуха ианаахәлалак, аӡәгьы уҽимырбакәа, аҩнынӡа
усызнеи, сҭаацәа сасра ицан, иҟаӡам, схала аҩны сахуп.
Ҳаатәап, ҳаицәажәап. Уск азыҳәан усҭахуп» ҳәа, – иеиҳәеит.
Уааи ҳәа иарҳәо акәым, аарла аԥсшәа зарҳәоз Б.К. ари
аҩыза ажәаҟәанда аниаҳа деигәырӷьеит. Ианаахәла абга
длақәтәан дцеит Шьааб иахь. Абнараҿ џьара инаиртәан
ибга, уа хәылбзиа ҳәа Шьааб ишәхымс дынхыҵит. Шьа-

аб ихәышҭаараҿы агәгәаҳәа амца еиқәҵаны иман заа. Б.К.
дшааҩналаҵәҟьаз аҟыԥ ҳәа днаимҵасын, амца днахирҟьеит,
абгахәыцқәа илаз наилблааит. Уи акәхеит, дыцқьаӡа даалҵит.
Абга ақәтәара дааҟәыҵит. Зегьрыла дуаҩԥсны дааҟалеит,
зыԥсаҭа шкәакәахаша Б.К.
***
– Нан, аԥсҭазаара жәынгьы-ҿангьы есқьынгьы ихьанҭоуп,
еиҳарак уажәы ацәгьарақәа рацәахеит. Аха зегьакоуп аԥсҭазаара иара атәы иагоит. Аус злоу, нан, абасеиԥш
аан, ауаҩы игәы мцароуп. Абри ауп зегь реиҳа ишхәарҭоу.
Иумаҳахьеи, ажә анкаҳа, агәы анца изымгылеит, иҳәеит.
***
Ҩыџьа ахацәа ҽыжәланы ишнеиуаз, нхарҭак иаавалеит, иҳәеит. Цқьа инҭаԥшы-ааҭаԥшит ари анхарҭа. Ашьыжь
шаанӡан. Анхаҩы ирахә-ишәахә анеилиргоз иаамҭан. Ари
анхаҩы ирахә дрылан, иҳәеит. Анхара ҳәа иаҳҭаху ииҭаху
зашәа дынхаша, убас дынхоит, иҳәеит ари ауаҩ.
– Ҳаи, ари ауаҩ егьа уаци бысҭеи ифахьеит, ианаџьалбеит,
– иҳәан, ҿааиҭит, иҳәеит, иҽыжәыз амҩасцәа рахьтә руаӡәк.
– Изакәызеи иуҳәо?! Абысҭа – уи еилыскааит. Аха ауац
шԥаифо, уара, унаԥши, имаҵурҭоума, икәасқьоума, аԥшӡара
икны иаго, иашҭаҵәҟьа, унаԥши, убас ицқьоуп, ухәы ықәҵаны
иуфап. Уара ауац ифоит ҳәа уаауеит, – инаимеикит, иҳәеит егьи.
– Изхысҳәааз уара иузеилымкааит. Асеиԥш иҟоу анхаҩы
бзиа абз цәгьа, абз ҟьашьқәа ихьырымшьыр, дырҟьашьырц
иаламгар руӡом. Убри, абз ҟьашьы, ауац иаҩызоу имычҳазҭгьы,
имфазҭгьы, абас дынха акәым, егьараан дыхҵәахьазаарын,
убри ичҳаит, убри ифеит азыҳәаноуп абысҭагьы зифо, –
наиаҭеикит, иҳәеит иҩыза ҟәыӷа.
***
Басариа Шьагә ҳәа дыҟан, нан, Кәтол.
Иуаҳахьазар акәхап, Шьагә дажәаҳәаҩын, ауаҩы
дыԥҵәазар деиԥишьуан. Ииҳәоз бзиан, нан, иажәа ҟәыӷан,
аха иажәа пату ақәызҵашаз даҽакгьы далаҟан Шьагә.

Бзиамзар ахаан уаҩԥсы цәгьара изиуамызт, ихы иагирхон
акәымзар, аӡәгьы итәы дашьҭамызт.
Уабду, нан, Кәаӷәаниа Едгьи абни Басариа Шьагәи ирыхьхьоу уасҳәап. Уабду аҵла дықәланы икаиҿон. Махәҭа дук
анааԥиҟоз, ихжәаны ианлеиуаз аамҭазы Шьагә икамбашьқәа
ааигәа иҳәуазаарын, камбашьк наҵалазаап. Амахә абӷа илаахан, абӷа ааԥнаҵәеит. Ишԥаҟаиҵоз уабду?! Ахәда аҳәызба
лаҵишьын, акамбашь ишьит, ацәа ахихит, иааиҿыхны иганы
аҩны иныкнеиҳаит. Днықәланы дцеит Шьагә иҟны. «Шьагә,
абасоуп исыхьыз, укамбашь сшьит, ма уаха ахәылбыҽха, мамзаргьы уаҵәы ашьыжьымҭан, уара ианузыманшәалоу ашаха
уманы сыҩны унеи, унарылаԥшны скамбашьқәа иреиӷьу акы
аалхны ига» ҳәа, – иеиҳеит.
– Уца, Едгьы, аҩныҟа, снеиуеит, камбашьк аҿгьы саангылом
ҳәа, – лафк наиаҳәаны дишьҭит. Ахәылбыҽхан, ҳаԥшызар, аҽы
дақәтәаны даакылсит Шьагә, ауаҩы ԥшӡа ихы-иҿы ихаччо.
– Иабаҟоу, уара, скамбашь акәац, зегьы ыфаны уалгахьоума?!
– Абар, Шьагә, иахькнаҳау.
– Иааиҿыхны, ааҵәақәа инарҭаҵаны, скамбашь абжа аб­
наҟа аҽы исзахшьы, иаанхаз абжа, ҳалалс ишәоуааит, шәара
ишәфа, – иҳәан, уабду егьа иҳәандазгьы имукәа, икамбашь
абжа иманы дцеит. Абас иҟан, нан, ажәытәуаа, ражәа пату
ақәын, избанзар аус аҿгьы ихәыдамызт.
***
Ԥҳәыск дыҟан, иҳәеит, ӷарк лакәзаарын, рыцҳа. Лыҵкы
ана иԥжәан, ара итлан. Абри аԥҳәыс дышнеиуаз аӡы
данынхықәгыла лразҟы иакын, анцәа дылзылыԥхан, аӡы
шыцәаз илбеит, иҳәеит. Аӡы шыцәоу абара, нан, ари разҟы
дууп, аха аразҟы шыҟоу умбои, нан, иааины угәашә илагылоит,
иҳәеит, ианаамҭоу агәашә аартра уақәшәар, уашҭа иҭаужьлар,
аразҟы уоуеит, мап анакәха, угәашә инавсны ицоит. Ари
аԥҳәыс ӷаргьы, аӡы шыцәаз ианылба, илҳәаз ҟалон, абзиара
дуқәа лҳәар ҟамлоз, аха лдырра уиаҟара иҟамызт. «Иа, Анцәа
сызшаз, сытларақәа зегьы еималааит», – лҳәеит. Лара гаӡа
лхы иҭаз лыҵкы атларақәа ракәын. Анцәа ас даниҳәа, аӡы

шыцәаз избаз илҳәоз ҟамлоз, лҿы неимашьшьы ицеит, иҳәеит.
***
Нан, ажьы зқәу уамак рзынҵӡом. Ажьыжә нышәуп. Анышә
уқәҳар, умажәыр уабацои.
***
Зхы замхабзиам дарбану, нан!
Реиҳа иџьыҟәугьы, диашахәҵәаӡа дыҟоушәоуп ихы шибо.
Акамыршшаҵәҟьагьы,
нан,
ишԥаҳәеи?
«Ауаҩы
дыҵкьыҵкьасшьоит акәымзар иҿы сҭалон» – аҳәеит.
***
Анацәхкәырша ҳәа иҟами ачымазара? Апырпыл… Аԥсуа
пырпыл ца ахоуҵар иаабзиахоит.
***
Асаҵарел ҳәа чымазарак ыҟоуп. Ауаҩы инацәкьарақәа
ирыхьуеит, ажьы ақәнахуеит, ишнеиуа анацәкьыс зынӡа
иҿшәоит. Апрасқьиа хшла ижәны, иақәырҵоит. Иахәшәтәуеит.
***
Ажәытәан абхәында, деиҳабызаргьы, аҷкәын ҳәа иалҳәон
аҭаца. Анхәыԥҳа длыԥхьон аҭыԥҳа ҳәа. Ҭацак, иҳәеит, ақалақь
аҿы лабхәында дылцәыӡзаарын: «О, уара, аҷкәын, аҷкәын»
ҳәа, – ҿылҭуан, иҳәеит.
***
Санду лашьак, нан, Маршьан Баӡ аапкра ахәшә идыруан. Ирҳәоит алақәа зыраапкыша ахәшәгьы идыруан ҳәа. Уи
лимырҵеит санду, иаҳәшьа, аха алаапк зыцҳаз ихәшәтәышьеи,
иара, иаапкыз алеи, нас иаҟьашьыз арахәи рыхәшәтәышьа
лирҵан, сара илҿысҵааит. Алаапк иаҟьашьыз, изыцҳаз
абас дырхәышәтәуеит. Аџьамԥаз шьапқәа хԥа ааҵырхуеит.
Иахьыҵырхыз аџьыка ыҵарыԥсоит. Уаха иҟәаҟәаны
еиҵадырԥхьоит. Ашьжьымҭан ижәуеит какалда. Фырџьанк
ижәуеит. Дарӡәар ахш идыржәуеит. Егьырҭ иаапкыз ала, ма

арахә абас ирхәышәтәуеит. Ахәа алыхәҭа гәӡала ирхәуеит.
Абысҭа иааларшьышьны ирҿарҵоит.
***
Ацыркь изхара ныҟәара ҟалаӡом.
***
Нан, аԥсуа мыцхәы уаҩы еилыххоуп, уаҩы цых-цыхуп. Саб
рыцҳа убас иҳәалон: «Аԥсуа игәаҵәа адәахьы идкнаҳалоуп,
уаҵәы иҟалауа иахьа игәы иасуеит».
***
Ҽынла, амш каххаа, амра кажжы ишыԥхо арахә ҟаауа
игәарлар, амшмыхәла ҟалоит.
***
Иаха ԥхыӡла саныкәашоз бнапы зеиныбымҟьоз ҳәа,
алыгажә иҭакәажә длеисуан ҳәа.
Маи 14, 1997 ш.
Иацы Ҷлоу ақыҭан ихыркәшан уажәы Аԥсны зегьы
иазгәарҭоз Б. Шьынқәба 80 шықәса ихыҵра. Саргьы ажәақәак
сҳәеит. Уи акәым уажәы сзызхәыцуа. Гаӡарак сыхьит Б.
Шьынқәба иашҭаҿы ҳашгылаз, ҷлоуааи сареи ҳшеицәажәоз,
алабашьақәа ҟазҵо, амҳаҵәқәа ҟазҵо уҳәа, анаплыхқәа
ҟазҵо аӡәыр дыҟоума ҳәа сышразҵаауаз, аԥсыуа хаҵа бзиак, аҭра ԥшӡа иҭаҵаны, аԥсуа ҳәызба иҟәынны: «Абри иеиԥш
аҳәызбақәа ҟазҵо аԥсуа дыҟоума?» ҳәа, – снаиазҵааит.
Иаҳәызба ааҭыхны инсирбеит, ииашахәҵәӡа, Анцәа ихаҭа
иҿаԥхьагьы зхы лазмырҟәуа, аԥсуа иеиԥшха. «Аԥсуа ҳәызба
акәҵәҟьоушь, анцәа иџьшьоуп иҟазҵо ахьшәымоу», –
анысҳәа, имаҟа ааиртлан, аҭра ааиҟәныхны, аҳәызба нҭаҵаны
ҳамҭас исиҭеит. Ихьӡуп ари ахаҵа, аҽықәтәаҩ, анхаҩ бзиа
Мамиа Логәуа. «Уажәшьҭа уареи сареи ҳшеизыҟоу, насгьы
ҳаиуацәахашьа шыҟалаз уасҳәап, – иҳәан ҿааиҭит, – сара санду, саб иан Аҳәԥҳан. Аҳәаа шәлеишәақәа зеиԥшроу умдыруеи?

Лагәуаагьы иаҵахарц ргәы иҭамызт. Сабду, анапеимдахьақәа
рыҭаны, аргама диҳәарц Аҳәԥҳа ауаа лзынаишьҭит. Мапгьы ҳҳәом, ааигьы ҳҳәом, гәалас иҟашәымҵан, мышқәак
иааҳашәраӡа, нас ҳажәа шәзынаҳацҳауеит ҳәа реиҳәеит
Аҳәԥҳа лаб. Алагәуа дахьынхоз, дахьцоз дахьаауаз ааиликаан, дсымаҳәхарц иақәызкыз дзакә уаҩу еилыскаап иҳәан,
уахык амҩа изикит. «Ҳаи, узымцеит, абыржәыҵәҟьа унапы
уҩаха, утҟәоуп, усаԥыс» ҳәа, – дыниқәыҳәҳәан, атапанча
наиҿаикит. Алагәуагьы блеихаҟәысрак иалагӡаны, итапанча
ааҭԥааны Аҳәба инаиқәикит, уааҵысит, ухы ааухысхуеит ҳәа.
«Уаԥсуоуп, сымаҳәра уаԥсоуп, уара иануҭаху аҭацаагацәа
нашьҭы», – иҳәан, Аҳәба иҩныҟа днықәланы дцеит. Абас сара
андус дсоуит уара уаҳәшьаду Аҳәԥҳа.
– Уара, аҳәаа ртәы уаналацәажәа, Аҳәбаки Џьапуаки ирзеибаухьоу шәасҳәап, – ҿааиҭит ҳаицәажәара иазыӡырҩуаз быргк.
Арагәаԥшь иалхыз алабашьа икын. Аԥсуа маҭәала деилаҳәан.
– Аҳәбаки Џьапуаки еиҩызцәан, аха аиҩызцәа ззумҳәара
иҟоузеи, аишьцәа шеибамбара еибабон. Ԥхынрак азы Аҳәба
ашьхаҟа дцеит. Аџьапуа бзиа дибеит, дылҿынҵәаауа длеилаҳаит
Аҳәба иаҳәшьа. Ларгьы убасҵәҟьа бзиа дылбазаап. Аиҩызара,
уи шныҟәгатәу уҳәа зегьы аарханаршҭын Аҳәԥҳаи Аџьапуеи
еибагеит, рынасыԥ еиларҵеит. Аҳәба ашьха дахьыҟаз иаҳаит
иҟалаз абасоуп, амаҳә бзиа дуоуит, уаҳәшьа хаҵа дцеит, Аџьапуа
дигеит ҳәа. «Ҳаит, ишԥаҟаиҵоз, сара сашьцәа раԥхьа дыргыланы дызбон, ешьаҵас сызхәаԥшуаз саҳәшьа дышԥеигоз» – иҳәан,
иҽы ҭоуӷан длақәтәаны, иаҳәа, иҟама, итапанча лаиҟәынҵа
ирдыд-ырмацәысны, ашьхантәи дышзахәоз дҩалбаан, дышиашаз Аџьапуа игәашә даадыххылеит. Ихьӡ ҳәаны ианҿиҭ,
Аџьапуа иаҳәшьа ссирк дыҟазаарын, ашырҳәа лашьеи лҭацеи
рҿы дныҩнаххын, шәара шәцәырымҵын, игәы шны дыҟоуп,
иацәажәашьа сара избап лҳәан, лашьеи лҭацеи ныҩнакны,
Аҳәба днеиԥылеит, лыхцәқәа кьларуа, лыблақәа ҭыԥхаауа.
– Дабаҟоу башьа?! Ҳаиҩызара аӡы иазҭаз. Ихы ихысхып
алахша, имгәа ҭсырбгап! – иҳәан, дхагаха агәашә дадгылоуп
ари Аҳәба.
– Уаасышьҭуам! – лҳәан, агәашә алыкә ыларшә иалыркит
Аџьапуа иаҳәшьа.

– Соушьҭ, хаала сцом! – иҳәан, Аҳәба иҽы даасын, дууаӡа
агәашә дҩахыԥан, ашҭа даақәыххит.
– Сумшьыкәа усышьҭуам, аҩныҟа унасышьҭуам, – лҳәан,
Аџьапуаԥҳа, иҽы аӷәра дахьынҳаланы илкит.
– Соушьҭ!
– Изуам!
– Соушьҭ, бара!
– Изуам, сыԥсы ҭаны!
– Ибымуазар ибықәнаго сара издыруеит, – иҳәан, дыш­
ҽыжәыз Аџьапуаԥҳа даашьҭԥааны иҽы ахәда даақәикын, есс,
уцаларгьы уцала, Аџьапуаԥҳа дымҵарсны, ԥҳәысс дигеит.
Маи 16, 1997 ш.
Ҳҵас-ҳқьабзқәа рзыҳәан иухамышҭыша сан исалҳәақәаз
анысҵап:
– Адунеи, нан, ауаатәыҩса зегьы еиҵашьыцрала еибаркуп.
Ашьыцра аныҟамла – ԥхьаҟа ацара, аизҳара зыҟалом.
Иаҳҳәап, нан, аицалацәа. Ишԥарзырҳәои? Аҳәҵысха рыбжьоуп рҳәоит. Еиҵашьыцуеит, аҵысха алҵызшәа, ртәарҭа
изықәтәаӡом, еицлабуеит. Аха, нан, иҟоуп ашьыцра бааԥс:
еиӷрабаау, иҳараму ашьыцра. Угәыла ажәқәа ҩба имазар,
уара ианҵа хԥа. Иаргьы хԥа аниҵар, уара уиҵашьыцны ианҵа
хәба.
Уаб иашьа, нан, Нырбеи ҳәа иасҳәон.
– Қәыџьмахану?
– Аиеи! Нырбеи бааԥсылашәа аҽы дақәтәон. Аҽырыҩ­
рақәа раан аԥхьахәқәа игахьан. Ҽырыҩрак аҿы аӡәи иареи еиваҩны инеиуан, зны иара днаԥысуан, нас – егьи. Абас
ишнеиуаз, имазкуаз аҽықәтәаҩ иҽы ҩышьацәхыслеит.
Дҩахҟьан, дцаны дкаҳаит. Нырбеи атахҳәа уи ауаҩ
иҽы аӷәра даамҵасын, ивакны иманы иҿылеихеит.
Иаамҩахыҵыр имукәа, уаҳа егьырҭ аӡәгьы дихьымыгӡакәа,
иара данҭалоз егьи иҽыҩгьы иманы дҭалеит. Аԥхьахә иара
ирҭоз егьигьы ирҭартә иҟаиҵеит. Абри ауп ашьыцра бзиа,
аицлабра бзиа.

***
Ажәытәан, нан, иабаҟаз асапын, нас ауаа рҽырымкәабаӡоз,
амаҭәа рмыӡәӡәаӡоз, иабааргоз? Аԥсуаа, нан, асапын дыршуан. Уи шԥадыршуаз, излырхуаз? Ахәарӡ… Изахьӡу удыруама
ахәарӡ? Ахәа аӡы. Амжәа мҿы иацрыҵуа ахәа иаҳа еиӷьуп,
ишкәакәахоит. Ахәа алыхәҭа џьаџьа икылырхуан, ирхәуан.
Ачуан илҭаԥсаны ахьурӡы еиԥш идыршуан. Иаҵыҵуаз
аӡы ашша иаҵарҭәон, аҳәашша ада, егьырҭ арахә рышша.
Абни ахәарӡ ала идыршуан ашша, идыршуан ижәпахаанӡа.
Ианаахьшәашәалак шашәала иԥырҟон. Абыржәтәи асапын
аҵкыс еиӷьны амаҭәагьы аӡәӡәон, ауаҩы иҽыкәабаразгьы
еиӷьыз ҟалашьа ыҟамызт.
***
Шьам ҳәа дгьылк ыҟан рҳәоит, нан.
Убраҟа ауаа убасҟак иҿиазаап, ирацәаҩхазаап, Шьам
дгьыл иамкуа иалагеит, арахь еиҿыҵшьа рымам, уаҳа џьаргьы
иҟам Шьам дгьыл.
Ас ианыҟала, ауаа амкуа ианалага, ҳазшаз ус иҳәазаап:
Еиҿыҵны, инахара-аахараны инхааит, дасу дахьцо, дахьынхо
аҭыԥ Шьам еиԥш ибалааит! ҳәа. Убриаахыс, нан, дасу дахьынхо адгьыл Шьам еиԥш ибо далагеит рҳәоит.
***
Иуасҳәап, нан, аҳи ажьиҩи ирыхьыз. Аҳ ауаҩы дизааишьҭит
ажьиҩы: уаха иҟаҵаны далгааит аҽқәа шәкы рҽеимаақәа,
уаҵәы ианаашо, шә-ҽык аҽыуаа сыманы ныҟәара сцоит,
санааиҵаирха, ианаацәылашо шәҽеимаак аныҟамла, ихы
хҵәаны икасыжьуеит, – иҳәеит.
Ажьиҩы ас аниаҳа, игәы цеит, акьыжыҳәа еимаҭәаны
аҵәыуара далагеит, шә-ҽык ирызхаша аҽеимаақәа ҟаҵашьас
исымоузеи, сыԥсра ааит, уаҵәы ианаацәылашо сыкнаҳаны
сишьуеит аҳ, сызхишьааша иԥшаарц азыҳәаноуп акәымзар,
заманалаҵәҟьа идыруеит, уахык иалагӡаны шә-ҽык
рҽеимаақәа ракәым, иазхаша аҵәымаӷҵәҟьагьы ҟаҵашьа шамам иҳәан, ихы кны, дхырқәақәо днатәеит, иҳәеит.

– Уара, иухьзеи, уанаџьалбеит, ухаҵаӡами?! – ҿаалҭит
иҳәеит ажьи иԥҳәыс. – Згәы цаз инасыԥгьы цеит рҳәоит. Уаҵәы
ашьыжьымҭанынӡа ҳәа аҳ иуиҭаз аҿҳәара аҟынӡа иҟалаша
иудыруазеи! Ушьҭал, уцә! Гәнаҳа ҟаумҵазар, уара уанԥсыша,
уанбзиахаша зыӡбуа аҳ иакәӡам, уи, сара исеиҳау аӡәгьы
дыҟам ҳәоуп адәы дшықәу, аха, иара иаҵкыс инеиҳау даҽаӡә
дыҟоуп. Уца, ушьҭал! Уаҵәы ашьыжьымҭан аҽқәа ршьапқәа
злаучаԥо аҽеимаақәа аҳ иҭоубыҭ алаучаԥарц уҭаххаргьы уздыруам лҳәеит. Егьиашаҵәҟьаны, ажьи иқьиара ибеит, иҳәеит,
зегьы збо, зегьы зымчу. Ауха иааиқәшәан дылхаббала дцеит, иҳәеит, аҳ, ажьи иҿы иааит ақьаҳиацәа еибарыҩны, уаала абааԥс, уҽеимаа ҵәымаӷқәа уманы, аҳ дыԥсит, иҭоубыҭ
чаԥатәуп ҳәа.
Анцәа иишаз зегьы, нан, дыргак-дыргак рымоуп. Арбаӷьгьы
иара адырга амоуп. Ианунаҭауа баша иунаҭаӡом, акы аҳәоит,
иаҳәо здыруада акәымзар. Ус рҳәоит, аӡҟы данилак арбаӷь
аика ааԥҟаны иалҵуа ашьала аӡҟы иҟырҟы урхәыхәыр,
нас арбаӷь иаҳәо еиликаауа дҟалоит ҳәа. Уихааными,
дугәаламшәои Лука Гәыџьуа, ҳгәылара инхоз? Ирҳәон, убри
дани, ирҳәо иашазар гәаҳҭап ҳәа иҟырҟы арбаӷь аика ашьала
идырхәыхәит ҳәа. Даныҩеидас, дцәажәартә даныҟала, ҽнак
арбаӷь анҿнаҭы, иан ихы налықәикын:
– Нана, абни ҿызҭыз арбаӷь иаҳәаз бдыруама? – иҳәан,
дналазҵааит.
– Арбаӷь иаҳәо абаздыруеи, нан! – лҳәагәышьеит иан.
– Нана, – иҳәан ҿааиҭит, дгаӡамыз, дхәыҷымыз, – Арбаӷь
убас аҳәеит, ҳаԥшәмаԥҳәыс лашьа дыԥсит, ашәаџьҳәаҩ амҩа
дықәуп, – иҳәеит.
– Унан, ашьа уҿашәааит, изакәызеи иуҳәо?! – лҳәан,
ахәыҷы иқьышә дҭасит
Маҷк ашьа иҿыҵит, убринахыс иҿгьы акуа далагеит. Даанӡа
умнеиааит, дугәаламшәои, Лука данцәажәоз маҷк иҿы акуан, насгьы убри нахыс Анцәа дақәиҭымкәа дҟаиҵеит, арбаӷь
иаҳәоны иаҳауаз аҳәара.
Иуасҳәап, нан, сара исыхьхьоу. Саҳәшьа гәакьа Кьакьала даныԥсышаз аламҭалаз, ҳгәыла, Бигәаа Џьгәыз, иԥҳәыс,
Шьыдгәа Дапуаԥҳа илеиҳәеит. Лара исызлаҳәом, азин сымам,

аха иаарласны Макбулиа гәырҩа бааԥсык дақәшәоит, ҳәа. Ус
егьыҟалеит, саҳәшьа дыԥсгәышьеит.
***
– Ацәгьара ҟауҵар узыцәшәода, нан? – днасазҵааит сан.
– Азакәан, – сҳәеит.
– Мап, нан, уицәшәала Анцәа.
Ашьҭахь дсазҵааит:
– Абзиара ҟауҵар узыцәшәода?
– Аӡәгьы.
– Мап, нан, абзиара аныҟауҵалак ауаа урыцәшәала!
Маи 20, 1997 ш.
Иарбан ҳәынҭқарразаалак беиахоит иаланхо ауаа анбеиахалак. Абеиара – мал-мазаралагьы, доуҳалагьы.
Адоуҳатә беиара аганахьала, аԥсуа жәлар рышьҭахь игылам ажәлар дуқәа, миллионла ирацәоу, иаҳҳәап, абырзенцәа,
аурымцәа, аурысцәа. Адунеитәи адоуҳатә мал иаларгалеит аҿаԥыцтә ҳәамҭақәа, қәрала акыр зқьышықәса зхыҵуа.
Иаҳҳәап, Абрыскьыл ихҳәаау алегенда, Нарҭаа ражәабжьқәа.
Уааигәырӷьаратә ибеиоуп архитектура аганахьгьы.
Аха аԥсуаа даараӡа иӷаруп амал-мазара аҟны.
Изыхҟьазеи?
Аԥсуа жәлар рҭоурых зегьы нарҵауланы издыруеит сыз­
ҳәом, аха ицәгьамкәа издыруеит сара схылҵшьҭра.
Сызхылҵыз изныкымкәа, иҩынтәымкәа ахҵәарақәа
ирықә­шәахьеит.
Ажәытәанӡа, Аԥсуа ҳәынҭқарра аныҟаз, аԥсуаа хыԥхьа­
ӡаралагьы ианырацәаз, уажәтәи Аԥсны иахьӡын Аԥсны ду,
Нхыҵ-Кавказ иахьӡын Аԥсны хәыҷы.
Аԥсны хәыҷы аҟны инхон Акәыҿбақәа. Уаа нагақәан.
Акәыҿбак иԥҳәыс Маршьанԥҳан. Иабхәында гәакьа лцәа
ԥиҽит иаҳәшьа.
Ианеиликаа, ауаа ишырбоз, ҟамала дишьит. Иҩны дааин,
иҟаиҵаз иԥҳәыс илеиҳәеит: «Башьа дысшьит, ишыбҭаху, ма
бца башьцәа рахь, мамзаргьы бсыцны баала, сара схымҵәар

ауам» ҳәа, – нацҵаны. «Сашьа сирԥхашьеит. Уахьцо суцуп!» –
лҳәан, дицны ихҵәеит.
Акраамҭа инхон Нхыҵи-Аахыҵи рҳәааҿы. «Аҳәааҿы инхо»
ҳәа рзырҳәон. Дахьынхоз ашьхагьы иахьӡуп «Аҳәба ишьха»
ҳәа.
Уантәи дыхҵәаны Аԥсны ду ашҟа дылбааит. Дыҿиеит,
изҳаит. Џьоукы нхара ицеит егьырҭ ақыҭақәа рахь, иаҳҳәап,
Ҷлоу, Ҵабал.
…Аҭара ақыҭан иаанхаз, рызегьы амҳаџьырра иагеит. Рынхара зегьы ццышәыртәит ампыҵахалаҩцәа.
Сабду, саб иаб Кьаӷәса Ҭырқәтәылантәи дхынҳәит. Ҿыц анхара далагеит. Сара сиит сабду иргылаз ахатә кәасқьа аҟны.
1973 шықәсазы, ҳара хҩык аишьцәеи, ҳәарада, раԥхьаӡа
иргыланы ҳаби, ҳааилаланы, напеилаԥсала, ҩбаны еихаргыланы иҳаргылеит аҩн ду. Иҳаргылеит аказарма, амаҵурҭа,
абоурақәа, аҳәаҭрақәа, аџьмаҭрақәа, аца ду.
Иҳааӡеит абаҳча, ҭаацәа дук ныҟәызгаша.
Абарҭқәа зегьы зхысҳәаауа, мал-мазарала ҳбеиаханы
ҳанааҟала, адгьылҵысра иаҩызаха, иааҳамаз зегьы нықәы­
ццышәаа ицеит ақырҭу-аԥсуа еибашьраан. Аҟәа инхоз са­
шьеи­ҳабгьы саргьы, иааҳамаз зегьы аибашьра иналаӡит.
Аӷәыцәҳәы ҳаақәтәеит. Исцәалаӡит сқыҭаҿы исымаз адача.
Иаакәыршаны еиҭаҳаны, шәиҩынҩажәихәаба мандарина
шьапы еиҭасҳаз ашәыр рҿалахьан. Инықәӡаа ицеит. Ажәакала,
Аҭара инхоз Аҳәбақәа ҳазегьы ҳахнарҵәеит уажәтәи аибашьра.
Абарҭқәа зхысҳәаауа, аҳәынҭқарра беиахаӡом, ианӷар­
халак аҭаацәарақәа.
Ииун 8, 1997 ш., асабша
– Аибашьраан ҳара Ачадара ҳанхон, – лҳәеит ерманы ԥҳәыс
быргк, – ақырҭцәа рнапаҵаҟа ҳаҟагәышьан. Сыҭаҳмадеи сареи ҳакәын аҩны иахыз. Ҳшәаӡыӡо ҳаҩнан.
Ҽнак ҩыџьа агвардееццәа ҳашҭа иааҭалеит, равтоматқәа
харшаланы.
– Шәызмилаҭда? – ҿаарҭит.

– Ҳерманцәоуп, – ҳҳәеит.
– Амла ҳакуеит. Акраҳҿашәҵа! – рҳәеит.
Иҟаҳҵагәышьоз?! Иҳамаз рҿаҳҵеит.
Аибашьра иаҳа-иаҳа еицәахон. Афатә иҳамаз зегьы
нҵәеит. Схаҵеи сареи амла ҳакны, аԥсра аҟынӡа ҳнеихьаны,
ҽнак, анҭ, акрызҿаҳҵаз ақырҭцәа еиҭах иааит акраҳҿашәҵа
ҳәа. Ирҿаҳҵоз акымзарак акгьы ҳамамызт. Схаҵа иааисуа
дырҟәаҟәеит, дахыԥсааит. Анҭ уааума?!
– Амца иалуго амаҭ уцҳауеит, – сҳәеит.
Ииун 29, 1997 ш., асабша
Аҽыҩ, аҽы ццышә бзиа, аҽыуаҩ аӷәра ауижьыр, ашша
аӷраԥҽуеит. Иахыԥсаақәогьы ҟалоит. Еиҳаракгьы хьаа бааԥсны
ирхыргоит. Цқьа акрырзыфом. Аӡыҵәҟьа цқьа ирзыжәуам.
Аарла иныҟәоит рыбӷақәа ырхәаны. Ашьа рҟәаҵуеит. Аха ишнеи-шнеиуа, ашьшьыҳәа иалҵуеит, иацәцоит.
Убарҭ, аҽыццышәқәа иреиԥшхеит ҳҵас-ҳқьабзқәа, ҳала­
мыс, иааизакны ҳаԥсуара зегьы.
Изхысҳәаауа, иахьа аԥсуа чарак аҟны сыҟан. Анхаҩ бзиа
аҭаца диоуит, иҷкәын ԥҳәыс дааигеит. Иааигаз аҭацагьы
даԥсуоуп. Узеигәырӷьаша усуп. Аҭацаҩызцәа, лҭаацәа рыхьӡ­
ала, аҳамҭақәа ахьааргаз ҳҵас-ҳқьабз иатәуп, аха ажьымдыр
иаҩызахеит иҟарҵаз даҽакы – арԥхашьага – ҩ-столк ирзымкуа иааргеит афатә-ажәтә.
Зегьрыла ҳааҳәит.
Ишԥеилкаатәу абри? Асовет аамҭа аныҟаз, иӷарызгьы
дбеиазшәа ихы уирбон. Уажәы ибеиоугьы дӷарӡоушәа дҳад­
ҵәуалоит.
Февраль 15, 1998 ш., амҽыша
Иацы, Џьгьарда ақыҭан, ԥсхәрак аҿы сыҟан. Абраҟа
ианысҵо ажәабжь иҳәамҭоуп анхаҩы, ашәарыцаҩ, аибашьҩы,
ҩынҩажәижәаба шықәса ирҭагылоу Едгьы (Едик) Амҷба.
Акәац ахьыржәуаз, абысҭа ахьыруаз, амца ҳакәшаны ҳгылан.
Ихы наҳақәкны, ус ҿааиҭит Едик:

– Ари иаҟара ишәарыцаҩ ду уажәы абжьуаа ҳҿы дмаҷуп, –
слымҳа инҭеиҳәеит, сааигәа игылаз, алҩа иблақәа ианырҭала,
ихы наҟьа-ааҟьо исывагылаз.
– Ашәарыцара иара атәы удыруазароуп, – иажәа наигӡон
Едик, – иара атәы ҟауҵароуп. Ашьхақәа рҵас-рқьабз рымоуп.
Ус рҳәоит, Ажәеиԥшь дҭаҳмадоуп, ддагәоуп, иаҳаӡом, иуҳәо
заҳауа иԥҳа лоуп, нас иԥҳа лаб иалҳәоит ҳәа. Сара уи шиашоу
агәра згоит. Уаҵәы ианаашо шәарыцара амҩа сықәлозар, сахьцо акыр соуоу, исмоуоу уаха издыруеит. Уаха сахьнышьҭало
ԥхыӡ избоит. Ԥҳәызба қәыԥшк, акасыш лхаҵаны, лыблақәа
лхаччо, ажәак мҳәакәа, аҵәа ааслыркуеит. Ислыркуа аҵәа
хәыҷызар, исоуа ашәарахгьы хәыҷуп, идузар абӷаб ду аазгоит. Ус акәымкәа, уаҵәы ианаашо шәарыцара сцараны, уаха
сахьнышьҭало Ажәеиԥшьаа иԥҳа ԥхыӡ данысымба, аҵәа ансылмыркы, башоуп, баша амҩа сықәлоит. Аԥхыӡыжә акыр
адыруама ҳәа шаҟантә сцахьоузеи. Зныкгьы акгьы сзаамгац.
Саԥхьаҵәҟьа игыланы сеихсуеит. Башоуп, исзақәыршәаӡом,
ма зынӡаск сылаԥшгьы иҵашәаӡом. Аха, уиакәым уажәы
ишәасҳәарц исҭаху, уара иуҿаҵахәуп, иуҿаҵахәым ҳәа
уажәраанӡа араҟа излацәажәоз ауп.
Шықәса ҩажәаҟа ҵуеит уажәшьҭа. Сҩызцәеи сареи, иҳал­
шоз ала ҳҽеибыҭаны, ҳцеит шәарыцара. Сыԥхыӡгьы бзиан.
Ибзиан ҳәа ԥхыӡ ишызбаҵәҟьаз сныҟәандаз, аԥсыцәгьара
смыхьызҭгьы ашьҭахь сзықәшәаз сақәшәомызт. Ажәеиԥшьаа
рҭыԥҳа ҵәакоуп ислыркыз, шәарахк сылҭеит, аха сыԥсыцәгьара
сызнымкылеит. Ҳцеит неирҭа ахьынӡамаз акаҵәарахь.
Абӷабқәа ҩба еицны, ацаҟьа иаҿаланы инеиуан. Аԥхьа игыланы инеиуаз агәыҵәҟьа иҩақәыскын, уааҵәҟьа исыртәеит. Исзымхеит умбои. Иашьҭагыланы инеиуазгьы ласышьҭит. Сҩыза
хара дыҟамызт, ахысыбжь аниаҳа дааит. Ацәа анахысхуазгьы
игәасҭеит абӷабқәа руак, аҵша, акакаҷ ахазшәа иаакәыршаны
ахәда шкәакәан, амаҟа шкәакәа ахәда иахазшәа иҟан. Рцәақәа
рхаҳхит, иааҳгеит. Ани, зыхәда амаҟа шкәакәа акәыршазгьы
аҩызагьы рцәақәа рҟацаны аԥацхаҿы инадысҵеит. Уиакәхеит,
сышәарыцара аҵыхәа ԥҵәазаап, сара иалыздыраауазеи. Сцеит, сеиҭацеит, сцеит, сеиҭацеит, сҭацәӡа схынҳәуан. Шәылаӷырӡ
смоуааит мцык алаҵаны ишәасҳәозар, абни, ахәда-маҟаш

анысшь амчыбжь азыҳәан сеиҭацеит, аа, уара, саԥхьаҵәҟьа
избоит ақәасаб. Сеихсуеит. Башоуп. Адырҩаҽны еиҭазбеит
даҽаџьара. Иацы исыхьызгьы хьымӡӷысшьоит. Смыццакыкәа,
ахы, егьи акәымкәа, ашԥы иарбаны схысит, башахеит.
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 36
  • Büleklär
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3297
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2168
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3320
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2205
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3316
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2137
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3287
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2274
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3310
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2217
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3312
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2192
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3344
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2253
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3343
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2243
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3376
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2272
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3361
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2270
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3391
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2253
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3305
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2240
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3306
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2239
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3344
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2122
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3341
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2196
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3317
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2193
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3387
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2182
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3341
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2238
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 19
    Süzlärneñ gomumi sanı 3344
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2149
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 20
    Süzlärneñ gomumi sanı 3317
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2281
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 21
    Süzlärneñ gomumi sanı 3324
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2241
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 22
    Süzlärneñ gomumi sanı 3363
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2230
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 23
    Süzlärneñ gomumi sanı 3382
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2125
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 24
    Süzlärneñ gomumi sanı 3392
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2127
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 25
    Süzlärneñ gomumi sanı 3405
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2240
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 26
    Süzlärneñ gomumi sanı 3292
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2235
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 27
    Süzlärneñ gomumi sanı 3317
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2213
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 28
    Süzlärneñ gomumi sanı 3332
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2237
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 29
    Süzlärneñ gomumi sanı 3332
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2251
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 30
    Süzlärneñ gomumi sanı 3299
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2291
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 31
    Süzlärneñ gomumi sanı 3267
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2345
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 32
    Süzlärneñ gomumi sanı 3318
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2355
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 33
    Süzlärneñ gomumi sanı 3308
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2234
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 34
    Süzlärneñ gomumi sanı 3318
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2304
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 35
    Süzlärneñ gomumi sanı 3386
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2303
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 36
    Süzlärneñ gomumi sanı 3299
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2329
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 37
    Süzlärneñ gomumi sanı 3306
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2320
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 38
    Süzlärneñ gomumi sanı 3363
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2108
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 39
    Süzlärneñ gomumi sanı 3361
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2193
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 40
    Süzlärneñ gomumi sanı 3410
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2206
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 41
    Süzlärneñ gomumi sanı 3336
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2182
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 42
    Süzlärneñ gomumi sanı 3265
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2139
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 43
    Süzlärneñ gomumi sanı 3370
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2247
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 44
    Süzlärneñ gomumi sanı 3336
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2147
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 45
    Süzlärneñ gomumi sanı 2585
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1744