Latin

Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 34

Süzlärneñ gomumi sanı 3318
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2304
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Убри исгәаланаршәеит СССР-и, аимпериақәеи рхыбгалара. Урҭ анхыбгалоз, ирымпыҵахаланы ирымаз амилаҭ ссақәа
зынӡа иқәӡаауан, иаҵаԥсуан.
Ҳашԥаҟоу иахьа?
Даара ирацәахеит, иаалырҟьаны, агәыхь аарыхьны, аԥс­
рақәа. Изыхҟьо аибашьра мацара акәӡам. Ихьанҭахеит ауаа
ирықәлаз аидарақәа. Иахьынӡабзиаз, иахьынӡацәгьаз – уи
даҽа зҵаароуп, иалашьцылахьан аҳәынҭқарратә система, формациакала уи аҩныҵҟа ахныҟәгашьа рҵахьан. Иаалырҟьаны уи

хыбгалеит. Ашьшьыҳәа аиасра ацымхәрас, ҽнак ашьжьымҭан
ҳанааԥш иҟамызт СССР, иҟамызт «ум, честь и совесть нашей эпохи». Ахныҟәгашьа ҿыц иҵатәхеит. Уигьы азмырхакәа, зынӡаск
еицәаз ҟалеит – иацтәи аешьцәа – ажәларқәа аибарԥсра иалагеит, урысшәала иуҳәозар, иҟалеит «настоящая гражданская
война». Анаҟа-араҟа аибашьрақәа цоит.
Асистема ҿыц ауаа еиҩнашозар аӷарцәеи абеиацәеи ҳәа,
аибашьра ашьҭахь аԥсуаа даҽа еиҩшарак рԥеиԥшхеит. Еиҿа­
ҳаит аламысдареи, ҳаиқәырханы ҳаазго аԥсуареи. Ҳашҭа
иааҭа­леит ҳаззыԥшӡамыз ԥышәарак, ԥышәара ҿыцк.
Ноиабр 11, 1995 ш.
Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҿы сыҟан. Ҽазнык агәра згеит,
аҳәсақәа рыбӷа иқәлеит ҳаԥсадгьыл аԥеиԥш. Аџьармыкьаҿ
унеир, аҳәсақәа, Урыстәылантәи афатә аазго – аҳәсақәа.
Арахь игәышьҭыхгоу ажәак раҳауам.
Ауаҩы амлеи ахьҭеи ичҳауеит игәышьҭыхгоу ажәа иаҳар.
Ҳчынуаа, ицәаӷәо ацә иақәтәоу амҵ иаҩызахеит. Аԥсуа ҳәсақәа
акгьы ирмыхәазаргьы, ранаџьалбеит, абасҟак џьаҳаным зхызгаз ианамуӡах ажәа ԥхақәа роуҳәалар. Иаҳа-иаҳа ҳиеиԥшхо
ҳалагеит ажьа шкәакәа зкыз. Ара избо аҿарацәа аҭаацәара
иалалома?
Уажәааигәа, ирҳәоит Афон аԥсшьарҭаҿы абыргцәа иҭааит
ҳәа ҳчынуаҩ дук. Амаҵура ду ашҟа иҩеигаз аӡәы иӡбахә
иарҳәазаап абри ауаҩ инаԥхы цқьам, наҟ дуԥырга ҳәа. Иара,
ҳчынуаҩ ду, ус реиҳәазаап: «Дыҟан, Камо ҳәа револиуционерк. Убри Ленин дидкылан диман амал ахьааигоз азыҳәан.
Абыргцәа дрылазаарын Смыр Чықь, аҵарагьы змоу абырг. Ари
аҩыза аниаҳа: «Шәаала наҟ, ҳахьааз ҳәа егьыҟам», – иҳәан
дындәылҵит, иҳәеит.
«Аҵара сасуп, ахшыҩ аԥшымоуп», иҳәеит Дырмит ду.
Уицәымшәан аҟәыӷа, уи уара утәгьы идыруеит, иара итәгьы.
Уицәымшәаан абзамыҟә, уара умацара уакәым, уи иара
ихгьы даԥырхагоуп.
Уицәшәа зажәа ҟәышу, зус гаӡоу. Уи ауаҩ иааиҳәо – Анцәа
иажәоуп. Иааҟаиҵо – аҩысҭаа, аџьныш иусуп.

Ноиабр 18, 1995 ш.
Сызхаанхаз аамҭа ахаҿсахьак.
Исгәалазыршәаз зуҭахузеи, аҟыԥҳәа сыбла иаахгылеит:
1993 шықәса алагамҭазы акәын. Сытҟәаны сахьыҟазынтә
схынҳәын, Ҷлоу ақыҭан, аштаб аҟны сыҟан. Агуманитартә
цхыраараҳәа иаарҭиз амаҭәа акәын исшәыз, исышьаз.
Скуртка акалҭқәа хьыжәкәыжәын. Икьаҳә-кьаҳәӡа исышьаз
сбатинкақәа убасҟак иҿаасҭан, Ҷлоу салаланы сышнеиуаз,
абатинка ҵыҩрит.
Ихьҭоуп, асы шьҭоуп, аҷҷаҳәа иҵаауеит.
Уажәы Очамчыра араион аҟны комиссарс дыҟоуп, усҟан
Ҷлоу ақыҭсовет деиҳабын, ахшыҩ змоу, абызгьы зҿоу хаҵоуп
Кәасҭа Ԥарулуа, убри ахаҵа ҭелк иԥшаан, сбатинка, аԥсы
ицламҳәа анеихаҿарҳәо еиԥш, еихаҿеиҳәеит. Ԥыҭк сцахьаны еихыҩрит. Апозициа аҟны снеиаанӡа, схынҳәгәышьеит.
Ар рымаҭәа рышәны, абџьар ацымхәрас, ачамгәырқәа
зкыз ҭыԥҳацәақәак аасԥылеит. Инеихәаԥшы-ааихәаԥшын,
аҭаҳмада ихы цеит рҳәазар акәхап, инасывсит.
Иахьа акы сыгуп анысҳәо, убри асахьа аасгәалашәоит.
Ноиабр 24, 1995 ш.
Еиҿырԥшрак.
Сџьыбақәа амандаринақәа ҭаԥсаны, еидара хьанҭак
саҵазшәа, сынкахәыцуа ақалақь Аҟәа салаланы сышнеиуаз,
ибзианы издыруаз хаҵак даасԥылеит.
– Уахьца уаалеит! Исаҳахьеит Ҭырқәтәыла ушыҟаз. Иубазеи, иуаҳазеи? –снаиазҵааит.
Исаҳазарц исҭахқәаз ракәымкәа, зынӡак даҽакы сеиҳәеит.
– Иуасҳәап сыблала избаз. Ихьӡ-ижәла зуҭахузеи, ҳчын­
уаҩык иԥҳа хаҵа дцеит. Деихреиҵозаап. Илаҭәоу аҩнымаҭәа
Урыстәылеи Аԥсни иҟамзаап. Иԥҳәыс аҩнымаҭәа аалхәан
Ҭырқәтәыла, аӷба ақәҵара иадынҵәалеит. Абриаҟара аԥара
абааигеи ҳчынуаҩы?
– Аилкаара мариоуп – сҳәан, сџьыба иааҭызгеит мандарина цырақәак, – абарҭ сџьыба иҭарҵеит Кәымф Ломиеи
Нели Ҭарԥҳаи. Дара рҿынтәи саауеит. Руадаҿы иҩнаԥсоуп,

Гәылрыԥшь џьара иларҵазаарын, аҟәыд, аџьықәреи. Рҩы­
џьагьы рыԥсҭазаара азкуп ҳлитература, ҳбызшәа аизы­рҳара,
аиқәырхара, рыҷкәын заҵәы деибашьуан. Аҩыџьагьы ироуа
ауалафахәы аӡәы иифаша иазхаӡом, – сҳәан, инацысҵеит
урыс бызшәала, – равенство – фольклоруп, ҟаҵашьа амам,
ааха ариаҟара аиҟарамра ҟамлацызт. Аҳцәагьы рмаҵуцәа
акрырҿарҵон.
Ноиабр 26, 1995 ш.
Ныҳәоуп. Аусура иамшым, абжьааԥны аус аауазшәа. Аԥсны
Аконституциа иамшуп. Шықәсык ахыҵит. Асаби аныҟәара далагоит шықәсык анихыҵлак. Убасҟаноуп ианеилукаауа дцыркьу дцыркьыму.
Ҳконституциа излаҳәо ала, Аԥсны Аҳәынҭқарра – Аԥсны
Ахада иҳәынҭқарроуп. Амцхә ирацәаны азинқәа имоуп «Аԥсҳа». Уи аҩыза Аконституциа рымаӡам амонархцәа,
аҳцәа. Ажәларгьы ирзеицәахоит, иара, Аԥсны Ахада ихаҭагьы
иаԥхьаҟа изеицәахар ҟалоит. Ауаҩы даанызкыло мчқәак
ыҟазароуп. Иааиҭаху, ихы иааҭашәо аҟаҵара азин иуҭар, ихгьы ҭаирхоит иҳәынҭқаррагьы изгәамҭаӡакәа ихыбгалоит. Изхыбгалазеи СССР дуӡӡа? Гәаанагара заҵәык аҳра ауан. Аҳра
ауан партиа заҵәык.
Декабр 12, 1995 ш.
Ишеит, ихәлеит.
Уԥсҭазаара мышкы ахыҵит.
Марцхлак иадамхаргьы бзиарак узыҟамҵеит.
Ихьааумган.
Уахыки-ҽнаки цәгьарак ҟаумҵазар, убригьы бзиароуп.
Асахьаркыратә литература саҟәыҵижьҭеи акрааҵуеит, аха
апублицистикаҿы акы насҳәақәон, ҿахәҳәагас исыман. Уигьы
саҟәыҵит. Саҟәыҵит мчыла.
Аӡлагара аангылар ауеит аӡы аҵабаны, аха иаангылар ауеит аӡы аҵангьы.
Сара сыӡлагара хәыҷы аӡы аҵарбаны, мчыла иааныскылеит.

Исҳәеит схазы: «Ҿумҭын, абзамыҟә!»
Сгәы иқәыҩуеит даҽа бжьык: «Избан, сзыбзамыҟәузеи?!»
Еиҿаҳаит схи-сыхшыҩи, сгәи-сыԥси.
Ҳаззықәԥоз ҳазшаз иҳаҭәеишьеит, аха…
«Ахәанаа ԥа дроун, агара роуам».
Ҳара, аԥсацәа ҳзыҳәан инацлеит даҽа рыцҳарак: ҳҵасҳқьабз бзиақәа уаацәшәартә илаҟәит. Иаҳа-иаҳа амч роуеит
иаҳзеицәоу аҵас-қьабзқәа.
Иаха Ленинграднтәи аҭел дысзасуан сҩыза ду Рауф Аиба.
– Шәышԥаҟақәоу? – ибжьы нҭыҩит аҭел.
– Иуасҳәарызеи?! Аӡын ашьҭахь, аҵаа анӡыҭлак, ахәда
кьынааӡа иҩагыло ашәҭ иаҩызоуп Аԥсны, – сҳәеит.
– Ухаҭа, ухаҭа ушԥаҟоу?! – хьаас сҟаҵаны ҿааиҭит Рауф.
– Аарҩара иқәнакыз аҵиаа саҩызоуп, – сҳәеит.
– Ирҳәозеи аинтеллигенциа? – днасазҵааит.
– Излеиԥшымзеи агаӡеи аҟәыши? Агаӡа ииҳәо аҟәыш
ичҳауеит. Аҟәыш ииҳәо агаӡа изычҳауам. Уаҳа иуасҳәарызеи?
Ианвар 28, 1996 ш.
Иааигәоуҭартә аҽыԥсахра иаҿуп аламыси аԥсуареи ҳәа
ҳзышьҭоу. Иаҳа-иаҳа аиааира агара иаҿуп хи-ԥси азхәыцра.
Баша ирымҳәеит: «Ацәгьа ҟазҵогьы – ихазы, абзиа ҟазҵогьы
– ихазы».
Ишԥаԥсыхәоу ақьиара?
Мышқәак раԥхьа чарак аҟны сыҟан. Еидтәалақәаз ҭамадак
далаҳхит. Хаҵак диныҳәон. Еиҳараӡак инаҵшьны иара изы­
ҳәан дахцәажәон иқьиара. Саргьы ибзианы дыздыруан уи
ауаҩ. Ииашаҵәҟьаны уаҩ қьиоуп. Ашьжьымҭан дуԥылар,
аҽны­нтәарак угәалаҟазаара бзиазаауеит.
Аха ақьиарагьы иацзароуп аҟәыӷара. Дқьиоуп, аха дгаӡоуп
ҳәа анацырҵа, уигьы аҳарамра аҵкыс уамак еиӷьым.
Ҳҭамада ииныҳәоз, асасцәа аниҭаауа даара деигәырӷьоит.
Днаулаҳәаҵаны аҩныҟа умҩахигоит, уахьиртәаша изымдыруа, дувагьежьуеит. Аха иаарласны игәоуҭоит иԥҳәыси иареи
ишеибарҟәынд-ҟәындуа. Иҟалазеи? Иԥҳәыс гәаҟ иҟалҵара
лзымдыруа, днапырҟәыҷы-шьапырҟәыҷуеит. Илыхьзеи? Асас

дымҩахигеит лхаҵа, арахь лара инаимҵалыргыло ҳәа акгьы
лымам, убасҟак дӷаруп, избанзар лхаҵа даашьаҩуп, инапы
нышьҭыхны акгьы иуӡом.
Аџьабаа уасхырс измам, зԥашәқәа ҽеим ашәырҵла
иаҩызоуп, абӷьы ԥшӡазаргьы, акгьы аҿалаӡом.
Февраль 14, 1996 ш.
Абазацәа ажәаԥҟак рымоуп: «Бзиара злам, цәгьарак ыҟам»
ҳәа. Аҭара, сахьиз, схәыҷра ахьымҩаԥысыз ҳанхара зегьы
ҳаӷацәа ианырблы, сан аҩныҟа даазган, уажәазы сара сҟны,
Аҟәа дыҟоуп. Сызхара дызбеит. Ажәлар рҳәамҭақәа бзианы
илдыруеит, ишьа лымами Иуа ду Кәаӷәаниа!
Иаха исалҳәаз ҳәамҭак, ишаалҳәаз ианысҵеит.
Дыҟан, иҳәеит, нан, нхаҩ бзиак. Зчеиџьыка дууз, хыла-хшарала уҳәа зегьрыла Анцәа дыззылыԥхаз.
Абри ауаҩ, нан, лҳәеит, қьырса адырҩаҽны, амш мышьҭа­
бзиа ҳәа изышьҭоу, аԥшәма ихаҭа шаанӡа дҩагыланы, раԥ­
хьа шьапымш-напымшла ҳәа иҭаацәа аниныҳәо, иҳәеит,
ашарԥаз дҩагылазар, ашҭа днықәыԥш-аақәыԥшзар, иҳәеит,
шьапышьҭақәак ибеит. Асы ҟәашәӡа иахьышьҭаз, дыԥшызар,
иҳәеит, шьапышьҭақәак ануп.
Џьоукы иашҭа инҭыс-ааҭысны ицеит, иҳәеит. Ари агәылацәа
ракәым, аешьа гәакьагьы аԥшәма игәашә иара иааиртаанӡа
дахьымнеиуа, иҳәеит, даараӡа иџьеишьеит, иагьицәымыӷхеит,
иҳәеит.
– Ҳаи, сара сгылаанӡа, сгәашә дҭаланы имышьҭа сықәыр­
шәаны, дызусҭада ицаз, – иҳәан, абри ашьҭа дхыланы, дишь­
ҭалеит, иҳәеит.
Дцо, дцо, акыр деимдахьаны, агәаҩара, абна лашьцара
днылаԥшит, иҳәеит.
Убри аамҭазы ҿыҭбжьыкгьы иаҳаит:
– Уара узышьҭоу ҳара иаадыруеит. Уца ушьҭахьҟа. Уҩны уахьнеиуа, уҭаацәа зегьы уразҵаа абасеиԥш: амал акәу, ауааԥсыра
ракәу иаҳа ишәҭахузеи? ҳәа, – нас аҭак иуарҳәо ҳзаацҳа.
Дааит, иҳәеит, ари ауаҩ иҩныҟа. Иҭаацәа ааԥшхьеит, аха
имгылаӡац, изыԥшуп.

– Уабаҟоу, бабадухеит, ишыҟауҵац еиԥш, заа угылеит,
ашҭа уҭалеит аҩнқәа рышәқәа аауртуеит ҳәа ҳаԥшны ҳиоуп,
ҳгылом, ҳкарахеит ҳшыԥшыз, иухьзеи? – инаиазҵааит, иҳәеит.
Иҭаацәа, иҷкәынцәа, иԥҳацәа, имаҭацәа, зегьы ҩаиргылан,
инеилартәаны, ус дразҵааит:
– Аԥааимбар абас шәзааицҳаит, уҭаацәа рҿы шәнеи­цәа­
жәаны, иалшәх, иарбану иаҳа ирҭаху, амал акәу, ауаа ракәу
иалырхырц ирҭаху ҳзаарыцҳаит иҳәеит, нас ирҳәо риҭоит,
– иҳәеит, аԥааимбар. – Ишәҭахузеи, иалышәхуазеи? – дна­
разҵааит.
Џьоукы ахьы ҳҭахуп рҳәеит, џьоукы, арахә ҳаиҭааит, даҽа
џьоукы – аҩны, анхара…
Ҭаца еиҵбы хәыҷык ааигәа иҩны днанаган дыҟазаарын,
убри ланхәыԥҳа ус налалҳәеит: «Бабаду аԥааимбар иеиҳәааит
ҩажәак: ауааԥсыра, аҳәатәеиқәшәара. Уаҳа аҭахӡам» ҳәа. Ари
лабду иалҳәеит, иҳәеит. Аҭаҳмада дцеит, иҳәеит, агәаҩара,
абнараҿ аԥааимбар ибжьы ахьиаҳаз, иҳәеит.
– Иуҭахузеи, узыҳәозеи? – ҿиҭит, иҳәеит, аԥааимбар.
– Ауааԥсыра, нас аҳәатәеиқәшәара, уаҳа акгьы сҭахым, –
ҿааиҭит, иҳәеит, аҭаҳмада.
– Уажәааигәа ҭацак дҿыцны уҩны днанагеит, убри аԥаа­
имбарцәа даҳхылҵит. Уца, умалгьы умаз, ауааԥсырагьы уоуеит, аҳәатәеиқәшәарагьы ҟалоит уҩныҵҟа ҳәа, – наиаҭаркит,
иҳәеит, аԥааимбарцәа.
Сан лажәабжь даналга, хатәы гәаанагарак нацылҵеит.
– Нан, иумбои, аа, абыржәтәи ҳаибашьраан ҳаиқәнархеит
аҳәатәеиқәшәара.
Февраль 29, 1996 ш.
Аԥсуа телехәаԥшрала ажәақәак сҳәеит. Иҳәатәыз
абжа аиҭабжагьы сымҳәаӡеит, аха исҳәазгьы иагдырхеит.
Ибжамҽамны ирышьҭит. Асовет цензура аԥсы ҭоуп. Ишәарҭоу
даҽакуп. Иацтәи асоветуаа, атәитәыхқәа, иаахтны ацәажәара
ҳцәыӡхьеит.
Ишԥаҟаиҵеи Моисеи ижәлар Мысра атәра ианацәига?
Ҩынҩажәа шықәса ацәҳәыра иманы дықәын, атәра злааӡаз
раџьал ааины иԥсаанӡа, зхы иақәиҭны иааӡоу еиҵагылаанӡа.

Март 18, 1996 ш.
Ашьыцра бзиа, ашьыцра бааԥс… Аҩбагьы еилаӡҩаны схысгәы иҭагьежьуан арҭ амшқәа рзы Шәача сахьынӡаҟаз.
Асовет мчы ахаан Шәача, Урыстәылатәи апровинциатә қа­
лақь хәыҷы, адоуҳа аганахьала, амҟәыба иаҩызан, иҭацәын.
Аҟәа, аӡы иҭыршьыз кәапеишәа иҭәын зегьрыла. Иаҳ­
ҳәап, шықәсык, сезонк иалагӡаны ԥшьба-хәба спектакль
ықәнаргылон Аԥсуа театр, убасҵәҟьа иааҟәымҵӡакәа аспектакль ҿыцқәа ықәдыргылон аурыс театри, ақырҭуа театри.
Ақырҭуа театр анысҳәа, ҩажәак еихысҳәаалоит, уажәааигәа
Аурыс театр ҳавсны ҳнеиуан Аҟәа. Ҳаадгылан:
– Иугәалашәома, ари ахыбра аҟны, ақырҭуа театр аныҟаз.
Аԥхьа акыр мшы-ҵхы итәаны азабастовка ҟарҵон ақырҭуа
националистцәа. Еиҳарак итәаз аӷьычцәеи акаҳԥцәеи ракәын.
Џьоукы аԥара рырҭон, уахынла акрырҿарҵон, – ҿааиҭит, исыцыз сҩыза.
– Иззықәԥоз ҟарымҵеи! Дара рнапала ртеатр наӡаӡа
ашә аркны, аурысцәа ирырҭеит. Абгахәыҷы шкәакәеи, амшәеиқәаҵәеи анеиқәԥа, аԥсуаа ибзианы ирҳәахьеит: «Мышә
ҟәыш дҟәышуп» ҳәа, – сҳәеит, – аха инацысҵеит хьаас исымаз, – ақырҭуа театр, аӡы зҵалаз ахәышҭаара иаҩызахеит,
аха ҳара, ҳаԥсуа театр? Асовет автономиатә республикақәа
рҟны ирымақәаз атеатрқәа иреиӷьыз ҳаман, Анцәа иџьшьаны,
иахьагьы иҳамоуп уи ахыбра, аха ахыбра зуҭахузеи,
бжьышықәса раахыс иқәдыргылахьоу спектакль заҵәык ауп.
Уигьы узеигәырӷьаша акәым.
Сазыхынҳәып сызлацәажәо иахьатәи Шәача.
Даара срыҵшьыцуеит шәачаа.
Иацы сыҟан ацирк аҟны. Иахьа сыҟан ацәыргақәҵа ссир
аҟны.
Санкт-Петербург Аурыс музеи аҟнытә иааргазаап хҩык
асахьаҭыхыҩцәа дуқәа: И. И. Шишкин, М. К. Клодти, М. К. Маковски раԥҵамҭақәа.
Азал аҟны, слеиҩеиуа арҿиамҭа ссирӡақәа санрыхәаԥшуаз,
схы иҭагьежьуан хшыҩҵакык. Мал-мазаралеи доуҳала абеиареи абанӡеидҳәалоу?
Анхара-анҵыра, афатә-ажәтә, аҽеилаҳәара уҳәа, ажәакала,

амал-амазара аганахьала зегьрыла ибеиазма Италиа иалиааз
асахьаҭыхыҩцәа дуӡӡақәа, иаҳҳәап: Леонардо, Рафаель, Микеланджело, Тициан, Ботиччели, апоет дуӡӡа Данте?
Ҳазыхынҳәып, Шәача ицәыргақәҵоу асахьаҭыхыҩцәа
раԥ­ҵамҭақәа рышҟа. Рыхҩыкгьы иит, рырҿиамҭа мҩаԥысит
азеижәтәи ашәышықәсазы.
Хыԥхьаӡарала имаҷӡаз ҭауади-аамсҭеи раамышьҭахь,
егьырҭ зегьы даараӡа иӷарын. Аха Урыстәыла аҳра ауан
доуҳала абеиара.
И. И. Шишкин иаԥҵамҭақәа рҟнытә, еиҳараӡак исгәаԥхеит
«Аи-Петри». Иугәаланаршәоит Аԥсны ашьхақәа, еиҳараӡак
Сакьан. Аԥсаҵлақәа рыккара уҵаԥшуеит.
Ҵакыла даара дизааигәоуп М. К. Маковски, еиҳараӡак
иаԥҵамҭа «Аԥсабара азгәыбылҩы». Урҭ дырцәыхарам М.
К. Клодти. Уи иаԥҵамҭа «Аурыс қыҭа» иахьа иҭихызшәа ауп
ишыҟоу.
Ажәакала, Аҟәа аасҭа, Шәача Парижхеит.
Уажәазы Аԥсны амхы бзиа лаҵоуп, адгьыл кәазаҿы, ибзианы арашәашьа ҳақәшәар.
Март 27, 1996 ш.
Гәҭахәыцра хәыҷык.
Агәра згеит: аибашьра иалахәыз, изхызгаз, згәыцә аҵәымаӷ
алахаз аҵла даҩызахоит, иԥсы ахьынӡаҭоу дзацәцом, изынхоит.
Убла ихыҵуам: ашьа зыцрашу, ишьны икажьу уҩызцәа,
агәыҭҟьареи агәаӷи ирбылуа аибашьҩыцәа, ҿымҭ, зӡамҩақәа
алабжышқәа рхьыкәкәо, амедеиҳәшьцәа.
Ишԥаҟауҵои, дара, ҳҭыԥҳацәа аӡәырҩы зыхнымҳәит, уара
уеиқәхан, адәы уқәуп. Ухы уамеигӡеит, ухьамҵит.
Иубеит аԥсра. Иухароузеи?! Аха зны-зынла ухы агарҭа умоуа гәыкраха иусуеит. Аимдара уалагоит уҩызцәа абыржәыабыржәы инауԥырҵызшәа. Агәра узгом даҽакгьы: аибашьра
уаҳа ишыҟам. Уимоу, иахьеилгаз угәамԥхошәа уҟалоит.
Уҽанааурҭынчлак, еиҭа иужәлоит агәыкра, агәхьаагара.
Еиҭах ргәаларшәара иувыршьааз уҩызцәа, еиҭах…

Абыржәоуп, аибашьра еилгеижьҭеи шықәсқәак ҵхьаны, ианеилыскааз шаҟа ахьаа агәылоу А. Твардовски иажәеин­раалак…
Саԥхьеит сеиҭаԥхьеит, нас еиҭазгеит.
Абар иара:
Издыруеит, иҟам исхароу
акымзара акгьы,
Иахьымааз егьырҭ,
аибашьрахьтә еибганы,
Иқәыԥшӡаз џьоукы,
џьоукы қәрала еиҳаз,
Аибашьра адәаҿы
наӡаӡа иахьынхаз,
Реиқәырхара шсылшоз,
аха ишысзыҟамҵаз акгьы,
Шьҭа иҳәатәу уи акәым,
аха уеизгьы, уеизгьы, уеизгьы…
Саԥхьеижьҭеи акыр шықәса ҵуан, агәра ганы сыҟан, аибашьра анеилга иаарласны иҩит ҳәа. Шаҟа иџьасшьазеи, аибашьра еилгеижьҭеи жәеиза шықәса анҵы ашьҭахь ишиҩыз
анеилыскаа.
Ус анакәха…
Уаӷацәа ирылымшеит ууаҩра ашьра.
Март 29, 1996 ш., ахәаша
Аԥсацәа ҳдоуҳатә культура аҭоурых ианылоит ари амш,
еиқәаҵәоу мшны.
Идыру усуп: акультура ахкқәа зегьы иреиҳау ажәа ауп.
Ашәҟәы Ԥшьа аҟынгьы иҳәоуп «раԥхьаӡа иҟан ҳәа ажәа».
Ажәа алоуп ауаҩра шалагаз.
Ажәа изырҿио, изызҳауа ажәлар рҿаԥыц ҳәамҭоуп. Рҿаԥыц
ҳәамҭа иахылҵит аҩыра, ашьҭахь асахьаркыратә литература.
Аԥсуа ҩыра, аԥсуа сахьаркыратә литература ҳамамызҭгьы
1921 шықәсазы Аԥсуа ҳәынҭқарра ҳауӡомызт. Хыԥхьаӡарала
ҳара ҳаҵкыс акырӡа еиҳан агырқәа, аха Еидгылоу ареспублика мацара акәым, автономиагьы рмоуӡеит, избанзар дрымамызт Дырмит Гәлиа иеиԥш иҟаз.

Уажәы, ажәлари Анцәеи ирыбзоураны иҳауз ихьыԥшым
Аԥсны Аҳәынҭқарра, изхылҵыз, ԥашәс, уасхырс иамоу аԥсуа
сахьаркыратә литература ауп. Уи ҳара ҳзыҳәан ан лгәыԥҳәыхш
иаҳзаҩызоуп. Уи зырҿио, ҳәарада, ашәҟәыҩҩцәа роуп.
Аибашьра… Ареволиуциа…
Иахьеиԥшқәоу даара ирацәоуп. Ҿырԥштәқәак. Ареволиуциа ашәаҳәаҩ, «Буревестник револиуции» ҳәа ззырҳәоз
М. Горки, ареволиуциа ашьҭахь, ихы кны, Урыстәыла кажьны
дықәҵны дцеит.
Апоет ду, апоема «Жәаҩа» зҩыз А. Блок, ареволиуциа
ашьҭахь ииҳәазеи? «Россию я люблю ненавидящеи любовью».
Схы сазҵаауеит: «Анцәа иумҳәан, аха уан гәакьа деилагар,
ишԥалзууеи?» Иухоумыршҭын ирҳәахьоу: «Зан дыҟам иӡыхь
мҳаҵә адәахьы икаҭәоуп».
«Сара исылшоз аҿыҭра акәын, ишсылшоз ала ҿысҭит, аха
имшазар сара исхарагәышьоузеи?!» – аҳәеит арбаӷь.
Март 30, 1996 ш.
Сан дызхааныз, илдырқәоз ажәаҳәацәа, ашәаҳәацәа,
акәашацәа уҳәа ҳашрылацәажәоз, ус ҿалҭит:
– Аԥхьарца азырҳәоз зегь реиҳа дреиӷьын Аҷандаратәи
Жана Ачба. Ҳаиуацәан. Длашәын. Дшылшәызгьы, аҽы
дақәтәаны, Аҷандарантәи Кәтолынӡа днеиқәахьан, Аҭарагьы
даа­хьан.
– Шәызлеизыҟаз? – сналазҵааит.
– Санду Маршьан-ԥҳан (Сан лан, сан Аҭәмаа-ԥҳан), Аҭа­
ра­тәын. Маршьан Шьырмбеи иаҳәшьа лакәын. Сан Минушьа лыхьӡын, лаҳәшьа гәакьа Аҷандара ачаа дрыман.
Убри, Аҭаратәи Маршьан-ԥҳа илыхшаз иоуп Жана Ачба,
аԥхьарцарҳәаҩы, алафҳәаҩы. Ҭауади-аамсҭеи ибз иацәшәон.
Анхацәа ҳаҭыр ду иқәырҵон. Ирҳәоит, данԥсы иваржит ҳәа
иԥхьарца, – лҳәеит.
Аҵыхәтәантәи лажәақәа – «данԥсы иваржит иԥхьарца»
– ҳәа илҳәаз, аӡаӡ еиԥш сгәы инасит. Жәытәнатә аахыс
ҭоурыхла ахәыцра ҳцәымӷын. Даара иџьоушьартә иҟоуп,
аԥсҳацәа дара ртәы зҳәаша акымзара акгьы ахьааным-

хаз. Иабаҟоу рнышәынҭрақәа? Иҟалап агәра ганы иҟазҭгьы,
анарцә аԥсҭазаара ыҟоуп ҳәа? Убри азыҳәан акәзар, Жана
Ачба иԥхьарца зиваржыз? Ималқәа иреиӷьыз иара ирҭеит, аха
идырҳәит аарцәы иҟақәоу.
Угәы иахәаша, ҭоурыхла ҳхәыцра ҳаамҭазы акырӡа еиӷьхеит
аԥсацәа. Даараӡа сеигәырӷьеит, Гәдоуҭа иахьеиҿыркааз аибашьра иазку амузеи. Убасҵәҟьа амузеи аиҿкаара иаҿуп
Тҟәарчал. Ахәышҭаара хада – Аҟәа, иҳахьыз ҳзымдыруа,
иаҳа-иаҳа аҭацәра иаҿуп, анышәынҭрақәа, уаҳа акгьы. Иааизакны иуҳәозар, доуҳала аҭацәра ҳаҿуп, реиҳараӡак аԥсуара
аҟны. Ҳчарақәа рҿы, аԥара ашәара, иуфо ахә ушәоит, уаҳа акгьы унаҭом ҳчара. Ажәа «аҿыхтыԥса» иаҳа-иаҳа иаҳхашҭуеит.
Аха сақәгәыӷуеит аԥсуара – аԥашә еибгоуп ҳәа.
Маи 17, 1996 ш., ахәаша
Сҩызцәақәаки сареи ҳаиқәшәан, акраамҭа ҳаицәажәон.
Хьаас иҳамоузеи? Аԥсны аекономика шьҭыхшьас иамоузеи? Ҳнапхгаҩы, ҳԥыза ду, иааикәыршаны идиртәалароуп
аекономистцәеи аиуристцәеи. Урыстәылеи Аԥсни реизы­
ҟазаашьа иаҳа еиӷьтәтәуп. Кремль иаҳәо ҟаҳамҵар, иааҳа­
кәыршаны ҳгәашәқәа адыркуеит.
Азҵаарақәа, тезис ҳасабла, ақьаад ианҵаны, сара исы­
дырҵеит В. Г. Арӡынба сиацәжәарц. Еиҳараӡак иҳәатәуп ан­
хацәа рҭагылазаашьа атәы.
Ҳаилатәараҿы ҳалацәажәеит, Аԥсны аинтеллигенциа
ахеидкыла ашҟа ауаа ҿыцқәа рыдыркыларц. Иҳадаҳкылеит
аҵарауаа, асахьаҭыхыҩцәа, анхацәа нагақәа.
Маи 18, 1996 ш., асабша
«Ажьа абахә иацәгәышуан, абахә ажьа ыҟасгьы аздыруамызт» – сҳәан, шаанӡа сҩагылан, тезис ҳасабла изҩит ҳԥыза
ду иасҳәақәаша.
Мчыбжьык, жәамш рыҩныҵҟала, ибзианы издыруаз,
исҭынхацәаз, зуаҩра иҭагылаз ԥшьҩык (Роф Кәаӷәаниа,
Шлатр Ҭаниа, Иван Абыхәба, абаҩхатәра ду злаз апоет Кәасҭа

Герхелиа) ахацәа ргәы иаганы, рыԥсҭазаара иалҵит. Урҭ сара
издыруаз. Исзымдырқәо шаҟаҩы!
Иҟалазеи?
Аҵла иалыҩрыз, амаҭ ицҳаит ҳәа, аибашьраан иҳахьыз
ҳзымхошәа, аԥсцәаҳа даҳчычеит.
Иаха, иаалашьцахьаны, Кәасҭа Герхелиа дахьыкҿоу ҳцеит
ԥыҭҩык. Дахьынхоз аҩни Аҟәа амилициеи аанда рыбжьоуп.
Ашҭаҿы ҳашгылаз, адунеи тҟәацызшәа, хырзаманк ԥжәеит.
Амилициа ирылатҟәацит нырҵәагак. Абандитцәа реихсма, дара ирцәыԥжәама, Анцәа идырп. Аӡәы, изларҳәо ала,
Кәакәасқьырын, уаҵәҟьа дашьит, даҽаӡәы иблақәа ҭнахит,
Бигәаауп рҳәеит, егьырҭ ахәра ӷәӷәақәа роуит.
Аҳауа убысҟак иҟәыкит Аԥсны, уԥсы ухәлахоит.
Уажәы ҳашцо ҳцозар…
Ианвар 2, 1997 ш.
– Дыҟан, иҳәеит, нан Ҟыӷа ҳәа, Кәыҵниак, – ҿаалҭит
ҳашцәажәоз сан, – ачеиџьыка ду змаз, ақәра бзиа нызҵыз уаҩ
ҟәыӷан, ажәытәи аҿатәи дырхаанын, ацәгьеи абзиеи ибахьан.
Абри иазҵааит:
– Ҟыӷа, уара ухаан аамҭа акырынтә аҽеиҭанакит. Аҳәынҭ­
қарцәа аӡәымкәа ҩыџьамкәа иуаҩухит. Уара узхааныз аам­
ҭақәа рахьтә зегь реиҳа еиӷьыз, зегь реиҳа еицәаз арбану?
Аҟәыӷа ду Ҟыӷа даахәыцхәыцын, ус ҿааиҭит, иҳәеит:
– Дад, гра змам ауаҩԥсы дыжәбахьоу? Усеиԥш ды­
ҟаӡам. Грак-грак зегьы ирымоуп. Бзиарамзар цәгьарак
ҳәа иламкәа ауаҩы Анцәа дишаӡом. Убри иаҩызоуп аам­
ҭагьы, аҳәынҭқаррагьы. Грақәак змам, цәгьарақәак злам
аҳәынҭқарра, аамҭа ауаатәыҩса иҟарымҵаӡац, аринахысгьы
ирзыҟаҵоу сыздыруам. Убарҭқәа уаҩ дазхәыцны, исҳәо убри
ауп, дадраа, зегь реиҳа еиӷьуп уара ухы зынурнаалаз аамҭа.
Ианвар 5, 1997 ш.
Статиак зҩын, искьыԥхьын, аҭыӡшәа ӷәӷәаны иалҵит.
Џьоукы сызгәааит. Даҽа џьоукы гәыкала исыдырныҳәалеит.

Аха урҭ ракәым сзырхәыцыз. Ииашаҵәҟьаны сара сзыҳәан
абзиа иҭахуп ҳәа издыруаз аӡәы ус ҿааиҭит.
– Изуҭахузеи абасеиԥш иҟақәоу рыҩра? Иҩла ажәеин­
раалақәа, алакәқәа!
Угәы иауазар, ииҳәаз иашоуп. Убас наиаҭаскит:
– Дасу Анцәа дшишаз дыҟазароуп. Узшаз иугәаирԥхар, мап
ацәумкын, иҟаҵа. Сара исыҩуеит сызмырҭынчуа, сызмырцәо.
Исҳәоит, сгәы-сыԥсы асыршьоит. Уӡырҩи, фактк уасҳәоит,
чҳашьа амоума абри? Иаҳҳәап, иаха, иахьа, Аҟәа бжеиҳан
афымца лашара ҳамаӡам. Ҳаиқәылашьца, ҳаиқәыхьшәашәа
ҳаҩнқәа ҳрыҩноуп, арахь ҳуалафахәқәа кәтык мчыбжьык
иазымхаша ҳарҭоит. Ҳаԥхьаҟагьы акырӡа шықәса еиӷьхаӡом.
Изыхҟьозеи? – снаиазҵааит. Ҿымҭ дсыхәаԥшуеит, зхы еивҟьаз
аӡәы диԥылазшәа, инацысҵеит, – аибашьра еилгеижьҭеи
ԥшьышықәса ирықәуп. Иаҳа-иаҳа ҳӷархоит, шьҭахьҟа ҳцоит.
Абарҭ ҳзыргәаҟуа азҵаарақәа аӡбара ауама? Иауан. Иузаазгоит фактк. Ҳиааира ду ашьҭахь, шықәсык ҵаанӡа, усқәак
сыман, икабинетаҿ ҳаидтәалан ҳаицәажәон Аҟәа ақалақь
аиҳабы Нодар Ҳашбеи сареи. Амаӡаныҟәгаҩ дааҩналан: «Нодар Владимир-иԥа, анҭ, ҳасасцәа ааит, адкыларҭаҿы игылоуп», – лҳәеит. Нодар дааигәырӷьан:
– Иаашьҭы, ҳзыргәаҟуа уаауп, – иҳәеит.
– Асасцәа дахьқәа уҭазар, сара сцап, даҽазны ҳаицәажәап,
– анысҳәа, имуит.
– Амаӡа ҳамаӡам. Утәаз, – иҳәеит. Иааҩналеит ҩыџьа
ахацәа. Ԥшра-сахьала аилкаара мариан ишоурысцәаз. Снаскьаны стәоуп. Сырзыӡырҩуеит. Еибырҳәозеи, изаазеи?
Ирҭахузеи? «Аҟәа-ГЕС» шьақәдыргылар рҭахын. Асметагьы
ҟарҵахьеит. Ианышьақәгылалак, Аҟәеи, Аҟәа араиони афымца лашара азхоит. Уажәы инаҳхуа ҳҭилоит Урыстәылаҟа. Дара
ироуаз? Ҩажәижәаба процент дара иргалон, аҿҳәара аҭаны.
Аҿҳәара анынҵәалак, ишеибгоу ҳара иаҳтәхоит. Владислав
Арӡынба деигәырӷьеит. Ус бзиами? Уазхәыц шаҟа иҳахәоз?
Аус аахыбгалеит. Знапы ианыз чынуаҩык ихирбгалеит.
Иара ихаҭа иҭаххеит ҩажәа процент иоуларц. Ибзамыҟәу
дбеиахаӡом. «Шәусқәа башоуп, иаҳа-иаҳа шәӷархоит, аԥара
арҳашьа шәыздырӡом аҳәынҭқарра азыҳәан», – рҳәан,

индәылҵны ицеит. Аҟәа-ГЕС иааимҵәаны иамаз зегьы аамхны,
Ҭырқәтәылаҟа ирҭиит. Убасҟак еимырҵәеит, ахаан иузыҟамҵо.
Асеиԥш иҟоу афактқәа ҩтәӡами? Иҳәатәӡами? Сырҟәаҵып.
Алакәқәа зыҩлап, усоума?
Даахәыц-хәыцын, ус ҿааиҭит:
– Иҟоу уасҳәап?! Уцәа иалҵыр аҵысха, аҿҳәара ааироуп,
ишәыроуп, нас иԥжәароуп. Уаанӡа иучҳароуп. Заа иԥуҟар,
убасеиԥш чмазарак арҵысыр ауеит, уахыԥсаар ҟалоит. Цқьа
уазхәыц иуасҳәаз! – ҿааиҭит сҩыза.
Иаԥсоу иаԥсаму азхәыцра?
Ианвар 6, 1997 ш.
Сан лҳәамҭак. Ишаалҳәаз ианысҵоит.
– Асаби диит. Ҩымз-хымз ихыҵит. Зынӡак изҳаӡом. Дышиз дыҟоуп. Ирҳәоит, нан, убри ачымазара ахәшә амоуп
ҳәа. Иаалаганы асыс ршьуан. Ацәа ргәаҩаны иахырхуан.
Ахәы адәахьы ирханы, асыс ацәа шеибгоу асаби дҟьантазӡа
дҭарҵон. Уахыки-ҽнаки дҭан. Иааишәырхуан. Асаби уаҩԥсҵас
изҳара иалагон.
Иуасҳәап даҽакы.
Дыҟами, нан, ауаҩы даныцәоу зыхәда абжьы гауа? Аҟырҟ­
бжьы ҳәа иашьҭоуп.
Ажәытәан убри ачымазара абас ирхәышәтәуан. Агыгшәыг
иахәыз арахә, иаҳҳәап, ацә, ажә, ишьны, аҟырҟы ааԥырҟон.
Аҽырҳәа ашьа маауеи? Ишԥхоу убри ашьа ржәуан. Ихәда абжьы агара иаҟәыҵуеит рҳәоит.
Иҵегьы инацылҵеит ажәытәан аԥсуаа ирымаз ахәшәқәа.
– Нан, иаҳҳәап, аԥҳәыс ахыхь лымоуп. Санхәа, шәанду,
шәаб иан, Адапуа-ԥҳа, ахыхь бааԥс ҵылгеит иаалырҟьаны.
Уажәеиԥш, нан, аҳақьымцәа абаҟаз, аха иҟаз акы лыгдмырхеит лыҷкәынцәа. Акгьы лмыхәеит. Лхы лхыҵны ицо илыхьуан.
Ԥҳәыск дыҟан, Мсыгәда лыхьӡын, Наатәын, илыжәлаз
абоуҭаху. Абни аԥҳәыс дылхәышәтәит шәанду, санхәа.
Даалаган ахчы, аҵысхә хчы, ақьафын илҭалҵан,
хчыҵҟьаҵас, чуан дук илҭажьны, аӡы лаҵаҭәаны, агәараҳәа
илыршит.

Ишны ианалга, лхы иачҳартә ианаахьшәашәа ахчы лаганы,
санхәа лхы инҭалырԥеит. Убас ҟалҵон мышкы хынтә.
Исгәалашәом, нан, усызжьом, хымш ракәу, ԥшьымш ракәу,
шаҟа мшы иҟалҵоз, дыккаӡа дааллыргеит.
Даҽакы дшалацәажәоз, ажәаԥҟак лҳәан, даара исгәаԥхан
ианысҵеит. Абар иара: «Абза аԥсы ибла хиҩоит. Аԥсы абза
ибла хитуеит».
Иуанаҳәо шаҟа ирацәоузеи!
Убри сшазхәыцуаз иахьаанага сзымдыруа, исҳәеит схазы:
«Ууаҩны уира – уи комедиоуп. Уахьыҟазаалакгьы. Аԥсны уир
– драман, ажәытәан. Уажәы уир – трагедиоуп».
Февраль 9, 1997 ш.
Хыла-хшыҩла мацара акәымкәа, гәыла-ԥсыла, цәаныррала
уҭагылазаашьа хьанҭа уанышәаны уаналгалак, аҿагылара,
уԥсҭазаара аиӷьтәразы ақәԥара уанаҟәыҵлак, аха аԥсҭазаара
ахаҭа угәы ахымшәакәа иузеиқәырхозар, ушымгәыӷӡо дунеи
ҿыцк, дунеи ласык узаатуеит.
Ԥаса угәы ԥызжәоз, ушьақәыӷәӷәара хазгалоз, уажәы
угәалаҟара иаҳагьы еиӷьнатәуа иалагоит.
Иаазгоит ҿырԥштәык.
Сгәы ԥнажәон Аҟәа аӡы аныҟамлоз, алашара андырцәоз,
амҩақәа рҿы аҳәынҵәеи агәами ирылажьны афатә ахьырҭиуа
уҳәа, уаҩԥсыс зхы зыԥхьаӡо ԥсҭазаара изымҭо зегьы.
Уажәы, иахьа ашьыжьымҭан, ианаацәылаша аведрақәа
аашьҭԥааны, ахԥатәи аетаж аҟнытә ашаца-шацаҳәа сналбаан,
агәарԥ аҟнытә аӡы аазгеит, афымца лашара шыҟам зынӡаскгьы
исхашҭит, сшьақәыӷәӷәара шьҭымҵит. Абас акәхап ақьаҳиа
иқьаҳиара дшанышәо, атәы атәра дышҭало. Аха разҟыс иҟоу,
уи ианышәом ауаа ҟәыӷацәа, ауаа нагақәа.
Иҵегьы. Уаҩԥсык иеиԥш ажәларгьы ааԥсоит, аха нас
ргәамч еиҭа иҿыхоит. Ҳзықәгәыӷшагьы убриоуп.
Март 1, 1997 ш.
Аԥсуа телехәаԥшрала сахәаԥшуан Аԥсны ахада иқәгы­
лара. Ақыҭа нхамҩа аусзуҩцәа реизараҿы дцәа­жәеит. Ԥаса­

тәи ицәажәарақәак раасҭа уажәтәи ицәажәара акыр­ӡа
еиӷьын, иаҳа ажәлар ирзааигәан. Изыргәаҟқәоу, ирҭахқәоу,
аҳәынҭқарра иахәҭақәоу уҳәа, аиҳабыра рганахьала
иааиҳәа­қәаз раамышьҭахьгьы, даараӡа ииашаны иҳәеит ҳара,
аԥсацәа, ҳааизакны иҳагқәоугьы. Аус шаҳамуа, ҳшеишьа­
шәалоу, азакәан ҳшазымхәыцуа, ашәахтә шаҳамшәо, уҳәа
ахшыҩҵак иашақәа иҳәеит.
Март 12, 1997 ш., ахаша
Хынҩажәа шықәса схыҵит.
О, даараӡа ихьанҭоу еидароуп.
Қәрас иҟоу – агәабзиароуп. Уи аганахьала хар сымаӡам.
Ҳаӷацәа сытҟәаны саныргоз, автомат шьхәала схы иахьасыз,
аӡаӡ алакшошәа, схы аасыхьлоит. Сцацха ахьҭаԥыржәаз, Аҟәа,
аҩбатәи ахәшәтәырҭаҿы сыҽԥысҟеит. Сԥызҟаз даԥсуоуп,
Вахтанг ихьӡуп, Ҭыжәбоуп. Изгәамҭаӡакәа, ада ссақәа ҩба
ԥиҟазаап. Убасҟак ашьа сыцәцеит, сыԥсы маҷхо аҟынӡа снеихьаны С. Лакобеи Л. И. Лакрбеи ҩызцәақәак рыцны сырбарц
иахьнеиз, иаразнак игәарҭеит аԥсра сшаҿыз.
Иан доурысын, иаб дагыруан. Ӡаӡава ижәлоуп, убри
сеиқәирхеит. Иԥыҟҟаз сдақәа иӡахит.
Сымшира, иааркьаҿӡаны, ҭаацәашәала иазгәаҳҭеит.
Сызлиааз аамҭа, ҳаҭыр ақәысҵар шысҭаху, иҟасҵақәо лассы-лассы сара исзеицәахоит. Абри зхысҳәаауа, иахьа Москва
телехәаԥшрала сахәаԥшуан акино «Аҳәсақәа».
Аҵысхә каршәны ианубалак, аҵыс шугәаланаршәо еиԥш,
сызхәаԥшыз акино асценари зҩыз Ирина Велембовскаиа
илыдҳәалоу хҭыск аасгәалашәеит.
Уи ашәҟәыҩҩи сареи ҳаибадырит Алитературатә институт
санҭаз. Лышәагаа дуцәамызт. Иаамыцхәцәоума уҳәо илыцын,
аныҟәара лцәуадаҩын.
– Уажәабжьқәа срыԥхьеит. Аус ахьызуа унеи, – анылҳәа,
снеит ажурнал «Знамя» аҟны. Апроза аҟәшаҿы аус луан.
Даараӡа гәахәарыла, ҳаҭырқәҵарала слыдылкылеит.
Даараӡа лҽазылшәеит дсыцхраарц, аха егьалымҵит, ацензура иааннакылеит. Лара, Ирина Велембовскаиа сналыԥхьан,

лыҩны снеихьан. Еиҳараӡак сзыргачамкыз, лыҩны избазоуп.
Москва ацентр аҟны, лыҩны иаакәыршаны абаҳчара еихашьшьы, мап, баҳчараҵәҟьаны акәымкәа, анапы згу апарк еиԥшны,
уимоу, ибнароума уҳәо ашәаԥыџьаԥ еихашьшьы, ҟәарч ҩын
дук дыҩнан. Иубартә иҟан ишжәытәӡатәыз рынхарҭа. Аха зегь
реиҳа сзыргачамкыз – абиблиотека. Зсеминар аҟны сыҟаз,
ашәҟәыҩҩы, апрофессор Вл. Г. Лидин иуадақәа рҿы снеихьан.
Убри иҟны аамышьҭахь исымбацызт убриаҟара идууз ахатәы
библиотека.
Ажәа – ажәа ариуеит рҳәоит. Убасҵәҟьа азуҳәар ҟалоит
ашәҟәгьы. Ашәҟәы – ашәҟәы ариуеит. Уи аҩыза «аира»
ашәышықәсақәа аҭахуп. Ажәытәан аԥсуаа ҳҟны аҳра ауан
ажәлар рҳәамҭа, ажәа ахаҭа. Уи аныԥсыҽха, иҭацәыз аҭыԥ
ааннакылар акәын ашәҟәы.
Ҳаамҭазы ашәҟәы ахьыҟам аҩнаҿы амҟәыба иаҩызоуп.
Март 16, 1997 ш., амҽыша
Ажәытәан аԥсабареи ауаҩи шаҟа еизааигәаз уанаҳәоит
иахьа сан исалҳәаз.
– Амшаԥы наскьоит, иааскьоит, аха еснагь амҽыша иақә­
шәоит. Амҽышанӡатәи аԥшьаша иахьӡуп чачхадыл ҳәа. Абри
аԥшьашазы, чачхадыл аҽны, ирҳәоит, нан, абаҳчаҿ алӡын­
рак зҭыҩра иҭатәаз абгахәыҷы аацәыҵыҵуеит ашамҭазы.
Аҭыҩра ишааҭыҵлак, шаанӡа амра гылаанӡа, иахьыҟазаа-­
лак аӡы ԥшааны аҽакәабоит, аҽарыцқьоит. Убри аҽакәабаан­
ӡа, шаанӡа угыланы, раԥхьа уара уҽукәабар, ирҳәоит убри
ашықәсан аҩсҭаа дуԥырхагахаӡом, уааигәара дааиӡом
ҳәа.
Ацәылашареи ааилашәымҭеи ирыдҳәалоу даҽакы сал­
ҳәеит сан лаҳәшьа Машьика.
– Ацәылашамҭаз, нан, ԥсы зхоу зегьы раԥхьа иҿыхоит
ауарӷанџь, даҽакалагьы «амақьа ҵыс» ҳәа иашьҭоуп. Абжьы хааӡа аҿыҭра иалагоит. Абас иаԥылоит амра агылара.
Амра анҭашәо, амш анынҵәо, игәыҭшьаагаха ҿнаҭуеит даҽа
ԥсаатәк, нан, уи аԥсаатә хәыҷы иахьӡуп «акьу» ҳәа, ҿнаҭуеит
кьииу-кьииу ҳәа.

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 35
  • Büleklär
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3297
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2168
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3320
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2205
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3316
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2137
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3287
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2274
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3310
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2217
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3312
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2192
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3344
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2253
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3343
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2243
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3376
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2272
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3361
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2270
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3391
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2253
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3305
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2240
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3306
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2239
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3344
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2122
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3341
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2196
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3317
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2193
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3387
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2182
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3341
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2238
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 19
    Süzlärneñ gomumi sanı 3344
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2149
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 20
    Süzlärneñ gomumi sanı 3317
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2281
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 21
    Süzlärneñ gomumi sanı 3324
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2241
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 22
    Süzlärneñ gomumi sanı 3363
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2230
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 23
    Süzlärneñ gomumi sanı 3382
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2125
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 24
    Süzlärneñ gomumi sanı 3392
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2127
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 25
    Süzlärneñ gomumi sanı 3405
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2240
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 26
    Süzlärneñ gomumi sanı 3292
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2235
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 27
    Süzlärneñ gomumi sanı 3317
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2213
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 28
    Süzlärneñ gomumi sanı 3332
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2237
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 29
    Süzlärneñ gomumi sanı 3332
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2251
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 30
    Süzlärneñ gomumi sanı 3299
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2291
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 31
    Süzlärneñ gomumi sanı 3267
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2345
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 32
    Süzlärneñ gomumi sanı 3318
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2355
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 33
    Süzlärneñ gomumi sanı 3308
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2234
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 34
    Süzlärneñ gomumi sanı 3318
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2304
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 35
    Süzlärneñ gomumi sanı 3386
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2303
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 36
    Süzlärneñ gomumi sanı 3299
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2329
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 37
    Süzlärneñ gomumi sanı 3306
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2320
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 38
    Süzlärneñ gomumi sanı 3363
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2108
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 39
    Süzlärneñ gomumi sanı 3361
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2193
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 40
    Süzlärneñ gomumi sanı 3410
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2206
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 41
    Süzlärneñ gomumi sanı 3336
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2182
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 42
    Süzlärneñ gomumi sanı 3265
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2139
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 43
    Süzlärneñ gomumi sanı 3370
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2247
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 44
    Süzlärneñ gomumi sanı 3336
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2147
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 45
    Süzlärneñ gomumi sanı 2585
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1744