Latin

Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 33

Süzlärneñ gomumi sanı 3308
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2234
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
аҟаҵара далагахьеит ҳан. Аамҭа ианаалартә ҳаилаҳәан. Сашьеи сареи ҳанышьҭалоз, ҳқалԥадқәа ааҳашьхны, иӡәӡәаны
ахәышҭаара ааигәара икналҳауан. Ҳқалԥад заҵәқәа шаҟантә
иқәлыршәуаз анцәа идырып. Урҭ агәалашәарақәа наҟ
иԥхаҵаны, уажәы сгәы иқәыҩуаз саб иҿыҭбжьы акәмызт,
иааҟәымҵӡакәа сгәы иқәыҩуан иашәаҳәабжь. Убриала
саԥылоит иахьатәи амш. Ихьанҭазаргьы, амш ҿыц аира ауаҩы
иира иаҩызахоит. Аҩбагьы урԥылала, гәырӷьарала, аԥсҭазаара
абзиабарала.
Аԥсабара иаҳзаанашьҭуан амш ҿыц, амш лахҿых. Ҳаб
инациҵон аҵкыс еиҵамыз – агәышьҭыхра, аҽнынтәарак
ҳзырԥхалаша.
Урҭқәа ракәым уажәы сзызхәыцуа. Иԥсҭазаараҿы цәгьарас
иааҟаз зегьы ихигахьан. Иԥсы шҭаз, дыԥсхьеит ҳәа аԥсцәа
дрыларыжьхьан. Ибжьимхырц азыҳәан, ихшаз ихәыҷқәа
рбара-рааӡара азин имырххьан. Нхаҩҵас дынхар-дынҵыр руамызт. Ус шаҟа? Нас, иабааигеи, илазҵазеи убасеиԥш агәамч,
шәаҳәарала ашьыжь шара даԥылартә еиԥш? Хымԥада, дазкылсит ҟәыӷара дук: егьарыла ихьанҭазаргьы, зегьакоуп,
аԥсҭазаара еиҳау акгьы ыҟам. Егьарыла идырлашьцарц иалагазаргьы ауаа, адунеи иаақәло амш лашара еиҳау акгьы ыҟам.
Аԥсра абла иҭаԥшхьоу иоуп издыруа изыԥсоу аԥсҭазаара, амш
лаша.
Даҽакгьы аанагон ашьыжь шара шәаҳәарала амш дза­
ԥылоз саб: дызҭагылаз аамҭагьы, шьыцрала, ҳарамрала дыз­
цәымӷызгьы дырхыччон, дшаҵамхаз дирбон.
Урҭқәа даҽакала илҳәеит сан: «Акрыздыруа иааҵраҿы
аԥсра ԥсҭазаарак иаԥсоуп».
Август 27, 1995 ш.
Сахьиз, схәыҷра ахьымҩаԥысыз сқыҭа гәакьа Аҭара, аҳабла
Аҭара Ахәы, ҳаӷацәа ирыблит декабр 26, 1992 шықәсазы.
Убасшәақәа иҟалеит, ргәы иалсрым, егьырҭ аҳаблақәа зегьы
раасҭа, даараӡа ибеиаз ҳаблан. Еиҳараӡак изыбзоураз, адгьыл мчын, аха иаалоуҵаз марымажаха ииуан.

Иаазгоит ҿырԥшык.
1947–1948 ашықәсқәа раан, ӡынран, даараӡа ихьҭахеит,
ахацәа дуқәа ршьамхы инахысуа, асы шьҭан. Ҳмаҵурҭа ааҵра
ҳаҵагыланы, аџьынџьыхәақәа реиԥш, икнаҳаз ашьашьалқәа
ҳазԥымҽуа, алабақәа рыла ҳаарысуа иҟәыбаса илаҳашьҭуан,
убас иҵаауан.
Аԥсны зегьы сыздыруам, аха ааигәа-сигәа ақыҭақәа,
Аӡҩыбжьа, Кындыӷ, Кәтол, насгьы Аҭара егьырҭ аҳаблақәа
зегьы рҿы инықәҩаа ицеит амандаринақәа, еиҳараӡак,
алимонқәа. Ҳара ҳҳаблаҿы, машәырлагьы шьапы заҵәыкгьы
мҩаӡеит.
Уи еиҳараӡак изыбзоураз адгьыл акәын, аҵиаақәа аӡы
рыҵатәомызт, адгьыл малаҷырын. Инацлеит даҽакгьы. Ахықә
уқәгыланы, еиҳараӡак, ахәылԥаз, амра аҭашәамҭаз агаҿахь
унаԥшыр, ицырцыруа ухыԥшылоит амшын. Уи аҳауа ԥха
аҵиаақәа, ҳәарада, ирыхәон, иахьчон. Даараӡа ианаалон аӡа­
хәа. Аҭара ахәаа рҩы аҷандараа рҩы иаҩызоуп рҳәон.
Ажәаԥҟак еиԥш ирҳәон ҳара ҳҳабла азыҳәан даҽакгьы:
«Аҭара ахәы, Аҭара ақыҭа, ауаса акьамашәышә иаҩызоуп»
ҳәа.
Амал-амазара еиҳараӡак изыбзоураз, арахә рзыҳәан даара иманшәалан. Адгьыл ҭацәқәа рацәан, Аԥсны ақыҭақәа
зегьреиҳа иамоуп абна, ӡынгьы-ԥхынгьы ирфаша роуан арахә.
Хыхь исҳәаз аӡын хьшәашәа аан, аԥсаса, еиҳараӡак, еиқә­
нархон ашәч зқәыз аҵлақәа ԥҟаны рылажьра, ашьамаҟагьы
амаҵә ихыҟаҟааны ирфон.
Урҭқәа, ҳәарада, акырӡа аҵанакуан, аха ҳара ҳҳабла иамаз абеиарақәа раԥхьа игылан ахшароура. Ҭаацәацыԥхьаӡа
фҩык, быжьҩык, ааҩык ахшара рыман, еицлабуазшәа.
Ҳара ҳҳаблаҿы акәын иахьынхоз Ҷанаа.
Анцәа иџьшьаны, ианырацәаха, инаскьаны, егьи аҳаблахь,
Набжьоу аҳабла ашҟа инаскьаны инхеит ԥыҭҩык. Убраҟа диит
Самсон Ҷанба – ауаҩ ду. Ҳҳабла хәыҷы иалҵит ашәаҳәацәа,
акәашацәа, ателехәаԥшра арежиссиорцәа, аредакторцәа.
Ишысҳәаз еиԥш, убри зегьы нықәццышәаа иргеит ҳчеи­
џьыка иааӡаз ҳгәылацәа ахалдабаа.
Абарҭқәа сгәаларшәо, сылабжышқәа сгәаҵа иҭаԥсо,

иқьаԥ­ҭахаз сҳабла гәакьа, анышәынҭрақәа рҿы сааҭгыланы,
снареихырхәаны, џьанаҭ гыларҭас ишәоуааит ҳәа «снара­
цәажәо» сышнеиуаз, сгәысҽанӡамкәа, сызқәымгәыӷӡоз ҩны
еихагылак агәашә снадгылеит.
Аҳабла зегьы аҟнытә ҩны заҵәык еиқәхазаап. «О,
аԥшәма!» ҳәа, – ишаԥу еиԥш, аҿыҭра ацымхәрас, агәашә аартны, аныхабаа ашәхымс схыҵызшәа ашҭа сынҭалан, ажәҩан
снаҵаԥшны, сныҳәа-ныԥхьаны, сылахь-сыџьымшь ӡатәуа,
ҿымҭӡакәа акраамҭа сгылан, гәынхәҵысҭала агәра ганы сыҟан
аӡәымзараӡәгьы дахымызт ҳәа аҩны еихагыла ду. Ибзианы
издыруаз акакәын, аԥшәмацәа Жора Биҷваиа иҷкәынцәа
аҩыџьегьы Гурами Леониди, аибашьра ианалага аҽны инаркны, иааирала еилгаанӡа бџьаршьҭыхрала еибашьуан, анцәа
иџьшьаны, еибганы иалҵит.
Сшымгәыӷӡоз, аҩнеихагыла иахыҳәҳәоз ауаџьаҟ алҩаҵә
сылаԥш нақәшәеит. Азныказыҳәан лаԥшҵашәараз џьысшьеит.
Самышьцылахьаз агәашә савсны сцацыԥхьаӡа, есқьынагьы
ихәхәаӡа, зны ицәышӡа, даҽазны еиқәараӡа ауаџьаҟ илы­
шәшәо, ажәҩан иаҵахәмаруан, амҩасҩы умҩахыҵ аҳәарц
аҭахушәа.
Сара сеиԥш, иара, аԥшәмагьы дшымгәыӷӡоз, ашә аартны
абарҵа данаақәгыла, иџьашьаны, ҿымҭӡакәа, инапсыргәыҵа
илахь иаадкыланы дсыхәаԥшуан, иибоз сынаур акәызшәа.
– Избоит, Жора, избоит иуԥшышьоу! Сара схаҭагьы иџьа­
сшьоит сыԥсы ахьҭоу! Анцәа иџьшьоуп, ҳазшаз дузылыԥхеит,
уҷкәынцәа еибганы иахьалҵыз! сҳәан, – наӡаӡа еицәыӡхьаз
ауаа ҳреиԥшха, ҳгәыдеибакылеит.
Илабжышқәа хаҟәҟәало, иаргьы исыдиныҳәалеит сыҷ­кәы­
нцәа еибганы иахьалҵыз аибашьра.
– Аҳәыҳәкцәа реиԥш, схала аҩны сахуп, аԥшәмаԥҳәыс
Аҟәаҟа дыҟоуп ҳәа, – дналаган, нас еиҳараӡак далацәажәон,
машәыршәа ишеиқәхаз рыҩны. –Иумдыруеи, ҳаҩн ду
ааргыланы, ихыбны, ашәқәа, аԥенџьырқәа ҿаҳҵахьан,
ҳара ҳаҩналаанӡа иҳақәлеит «ҳашьцәа». Иааҳамаз зегьы
ҩнан ҳмаҵурҭа. Зегьы убра иналаблит, – ашьҭахь иҳәеит
аԥсҭазаараҿы акыр зҵазкуа хшыҩҵакык, – абри ҳзыҩнатәоу
аҩны блындаз, еиқәхандаз ҳҳабла. Аҷкәынцәа ҩнык дыргы-

ларын. Ҳаӷацәа анҳақәла, ҳҳабла зегьы ҳаиқәнархеит абна.
Иумдыруеи, шәан ҳазегьы «нана» ҳәа лаҳҳәон. Уара, аҽны дахьаанагаз сыздыруам, уҷкәын аиҵбы Дауҭ ианду дышьҭыхны
абна дылигеит, арахь асы шьҭан шьамханынӡа.
Акраамҭа ҳанеицәажәа ашьҭахь, аҳабла, ақьаԥҭа ҳналсҩалсит.
– Иаанхеит ҳнышәынҭрақәа, уаҳа акгьы, – иҳәеит, игәаҵан­
ӡа дқәыԥсычҳаны.
– Ҳаӷацәа аиааира ргар, ҳнышәынҭрақәа ықәырхуан, на­
ӡаӡа иҳамырхуан иҳамоу ажәытәрагьы.
Аҟәыӷацәа еилыркаахьазар акәхап, аха сара цқьа исзеилымкаацт Аԥсны иҟалаҵәҟьаз.
Сентиабр 2, 1995 ш.
Ауалыр арыԥҵә амҟьар, иҭыҵәраауеит «иҭакыз» амаҷар.
Изҭыҵәраауа аӡәы ижәындаз ҳәа акәӡам. «иахь­ҭакыз»
азымычҳаит, уаҳа акгьы. Убасшәоуп изанысҵо сым­шын­
ҵақәагьы, уеизгьы-уеизгьы аӡәы иаҳандаз ҳәа акәӡам. Сара
исҳәоит схазы, сгәы сҟычуеит. Аӡәыр хьаас икуама иацы
сахьыҟаз. Ешыра анышә дамардон Саша Аҩӡба. Аибашьра
ҟалаанӡа акәызҭгьы, хҭыс дук еиԥш иааҳалаҩуан. Ҳашьцылеит
аԥсра. Саша акыр шықәса аус иуан аурыс газеҭ «Советская
Абхазия» аҟны. Ԥсырӡха амшын аҟны иҽикәабон. Џьоукы,
ацәҟьа кыдҵаны ихысуан автомат ала. Ахы иаахеит. Дызшьыз
дкажьны ицеит. Машәырла дҭахеит рҳәеит. Уиала аус адыркит.
«Иԥсыз дыԥсит, иаанхаз ҭаҳкуама?» – иҳәеит ҳаамҭазтәи амилициа аусзуҩы.
Уажәшьҭа еилкаа изакә аамҭоу иааз?!
Сентиабр 8, 1995 ш.
Ари ахҭыс сеиҳәеит аҟабарда ҳақьым Руслан Ахмедов.
Аибашьраан Тҟәарчал ахәшәтәырҭаҿы аус иуан хирургс.
Уахынла-ҽынла ҳәа еилых имамызт, ихәны иааргоз аибашьцәа
рыԥҟара, реиқәырхара даҿын. Сиазҵааит:
– Лыӡбахә уаҳахьазар акәхап апоетесса Саида Делԥҳа.

Лҩымҭақәа реизгара, аиқәыршәара ҳаҿуп. Дыхәны даннаргаз
аҽны уара уҟазма, дубама? Дышԥаԥси?
– Ибзианы дысгәалашәоит. Сара сыдагьы, аҳақьымцәа
ҳазегьы иҳалшоз ҟаҳҵеит, аха даҳзеиқәмырхеит. Иаахтны
иуасҳәап, ианаамҭаз ахәшә лмоуит.
– Руслан, иԥуҟақәаз, еиқәурхақәаз рахьтә реиҳа иуадаҩыз,
угәалашәараҿ иаанхазеи? – снаиазҵааит.
– Сыԥсы ҭанаҵы исхамышҭуа, сгәанала, адунеи аҿы
ҳақьымк дызқәымшәацыз акы сақәшәахьеит. Убри уас­
ҳәап иааркьаҿны, – иҳәеит Руслан. – Ҵхагәаны днаргеит еибашьҩык, хаҵарԥыск. Даара иӷәӷәаны дхәын. Ирԥҳа
кылжәан, икылжәа акәым, азыбжак амжәан. Иаарласӡаны
дыԥҟатәын, иӡахтәын. Ахәшәтәырҭаҿы алашара ыҟамызт.
«Адвижок» иҭаҳҭәоз ҳамамызт. Арахь еимаҳаны илашьцахьеит. Шаанӡа, избоит, изычҳауам. Ашахтиор лампа, иудыруеит шаҟа алашара маҷӡаны иацрыҵуа, уаҳа ԥсыхәа ыҟамызт.
Иԥҟара салагеит. Ирыԥҳа аӡахра сналагоны, ухаҿы иузаагару абри аҩыза, ашахтиор лампа иҭаз абылтәы аанҵәан,
инҿыцәааит. Напыршьышьыла ирыԥҳа зӡахит. Деиқәхеит. Иахьагьы дыҟоуп. Аишьцәа реиԥш ҳаибабоит.
Сентиабр 10, 1995 ш.
– Иудыруеит, аԥсуаа ҳҭоурых аҟны иҟамлацыз ахҭыс дуӡӡа
ҟалеит, сызҿу ҳиааироуп. Ари амза анҵәамҭазы иахыҵуеит
ҩышықәса ҳаӷацәа ықәаҳцеижьҭеи. «Ҳашԥаԥыло, угәы
ишԥаанаго?» днасазҵааит, анкьаӡа зны арҵаҩратә училишьче
еицҭаз, аҵара ашьҭахь акыр шықәса аорганқәа рҟны аус зухьоу, ԥсабарала иҟәышу сҩыза Уасил Бармышьаа. «Брехаловка» аҟны акаҳуа ҳжәуан. Иҵегьы иҳадтәалан аҟазара знапы
алаку хацәақәак.
– Угәы иахәартә аҭак аҟаҵара сцәуадаҩуп, аха издыруа
ахәыҷала ажәақәак уасҳәап! Уасиа! Иугәалашәома, иумоума
аучилишьче ҳанҭаз еицҭаҳхыз партретк? – снаиазҵааит.
– Иҵәахны исымоуп. Уара ушьамхқәа срықәгылоуп,
ҳҩыџьагьы аччархәқәа, – дааԥышәарччеит сҩыза.
– Цқьа иҳәеи, цқьа! Убри афото аҟны ишуҳәаз еиԥш,

сшьамхқәа урықәгылоуп, сыжәҩақәа укуп. Убри афото, машәырла еиқәхан, уажәааигәа сахәаԥшуан. Убраҟа,
ҳахәмарны иҭаҳамхи?! Уажәы даҽакала еилыскааит уи афото аҵакы. Уара сшьамхы ушықәтәаз, убасҵәҟьа «ашьамхы»
ҳақәтәан асовет ҳәынҭқарра. Ашьамхы ҳақәтәара мацароума. Ҳныҟәызгоз аҳәынҭқарра ҳнапқәа акәыршаны иаҳкын.
Афото аҟны сыжәҩақәа шуку еиԥш. Даҽакала иуҳәозар,
аҳәынҭқарра ҳныҟәнагон. Иааԥсеит, иажәит, узааӡаз уани
уаби шажәуа еиԥш. Еилышәымкаауеи, сыззкылсырц исҭаху?
– снарылаԥшит.
– Доусы ихы ныҟәигароуп, ихы дахәароуп, – иҳәеит уаанӡа
ҿымҭ итәаз аӡәы.
– Уахьиашақәоу рацәоуп. Аха, сгәанала, инацҵатәуп да­
ҽакы. Ухы мацара акәым, ауаа ирыхәаша даҽакгьы ҟаҵа­
тәызар акәхап, – ҿааиҭит, зыԥсҭазаара зегьы аҟазара аизҳара
иазку, кәашарала адунеи иахысхьоу Кандид Ҭарба, ашьҭахь
инациҵеит даараӡа сзеигәырӷьоз, – мшқәак раԥхьа сыҟан
Владислав Арӡынба иҟны. Сзышьҭоузеи? Еиҿыскаар сҭахуп
акәашаратә ансамбль Аԥсуа кәашарақәагьы налаҵаны НхыҵКавказтәи ҳашьцәа рыкәашарақәа рыла еиқәыршәаны
арепертуар. Ахшыҩҵак даара игәаԥхеит Арӡынба. «Уалага,
иахьынӡаҳалшо ҳуцхраауеит» иҳәеит.
– Узлагаз, Кандид, даараӡа аҵак ду амоуп. Аибашьраан,
агәаҟраан ҳаидгылан. Аҭынчраангьы ҳаидгылароуп, – иҳәеит
аӡәы, – аха уи инациҵеит зынӡаск даҽакы, – мышқәак раԥхьа
телехәаԥшрала дықәгылеит Владислав Арӡынба. Еснагь
еиԥш, дцәажәеит ҟәыӷарала иҭәны. Аха убраҟа исзеилымкааз, уажәааигәа Гагра аиԥылара имазаарын. Аӡәы иҳәазаап
аизараҿы ҳахьцо ҳаздырӡом ҳәа, абна лашьцара дылахазшәа.
– Саргьы сахәаԥшуан Владислав Арӡынба телехәаԥшрала
иқәгылара. Адунеи азна сгәы иахәеит аԥсышәала дахьцәажәоз.
Егьырҭ ачынуаагьы убас аԥсышәала ицәажәалар, – схы
наласырхәит ҳаицәажәара, – ани, Гагра аиԥылараан, ҳахьцо
ҳаздырӡом ҳәа иазҳәаз, Арӡынба аҭак ииҭеит, иҳәеит ишҳамоу
аконституциа, уаҟа ишану ҳахьцо. Ижәдыруеит Арӡынба
ду сшизыҟоу. Сахьидгылаз азыҳәан, автомат ашьхәала схы

иасны скажьны, исыӷрысит. Ҩажәак еихысҳәаалоит. Иԥсаҭа
шкәакәахааит, дыҟан Гари ҳәа Шьаҟрыл, нхаҩ бзиак, аиуара ду ҳабжьан. Даашьаӡомызт, ишырҳәо еиԥш, анышә ифон,
убасҟак круҩын. Ҩын дук иргылон ахыбра аҟынӡа инаганы, нас иаалырҟьаны ихирбгалон, ҿыц аргылара далагон,
зныкымкәа, ҩынтәымкәа. Ихьуааз? Даҽа ҩнык еиԥшымыз
аҩны иргылар иҭахын. Дангәаҟӡа аҵыхәтәан, данааԥса, иргылеит зегь иреиԥшу аҩны замана.
Сентиабр 11, 1995 ш.
– Абарҭ, аԥсымҭәқәа, дара рзыҳәан акәызма сара сзеибашьуаз?! – иҳәеит, аибашьраан избахьаз хаҵарԥыск.
Ихьӡ-ижәла сҳәар, ианысҵар, ихьӡ-ижәла сҳәароуп Аԥсны
араион напхгаҩыс иҟарҵаз. Инациҵеит, – аибашьраан
дыцәгьаҳәаҩын. Ҩыџьа-хҩык ахьааидгылоз днарыдгыланы,
ирҳәақәо дақәшаҳаҭушәа, ажәақәак нарылаҵо, реицәажәара
иҽналаирхәуан, нас днарԥырҵны, акаҳуажәырҭаҿы днатәон,
ар рымаҭәа ишәҵаны, зны-зынла автоматгьы ихәда инахшьны. Иаҳауа зегьы иҵегьы нацҵаны, рыцәгьа иеиҳәон еиҳабык.
Дыззықәԥоз наигӡеит. Аҭыԥ ԥхаҿы днатәеит, – ииҳәоз саҳауан,
аха арҭ амшқәа рзы, уахгьы-ҽынгьы гәҭыхас-хәыцырҭас исымоуп сроман «Ахамышҭыхә» ашьалашьын ахьшьра. Инеиҵыху
аҩымҭа азыҳәан, даҽа џьоукы рзыҳәан исыздыруам, сара
сзыҳәан зегь реиҳа иуадаҩу раԥхьа игылоуп, ашьалашьын
ахьшьра зыхьӡысҵаз, амыцхәқәа рамхра, ԥсыхәа ахьынӡамоу
аилацалара. Уажәы инасзацлеит сызқәымгәыӷӡоз. «Џьаҳаным»
ҳаныҟаз, ҳазегьы анык ҳлыхшазшәа, ҳашьҭибахуан. Ҳиааира
ашьҭахь, иҵегьы ҳаидгылоз џьысшьон.
Сзацәажәоз аибашьҩы, аҵыхәтәан ииҳәаз зынӡаск сшьара
сықәнаҟьеит:
– Аандақәа анԥыржәа, аҳәа млашьқәа зҭалаз ауҭра аиԥш­
хара иаҿуп уажәтәи ҳ-Аԥсны.
Схы сназҵааит: «Уара, абырг, хеиқәырхашьас иумоузеи?»
Аҭакгьы ҟасҵеит исыхәаша «иубахьоу абзиарақәа угәа­
ларшәала».

Сентиабр 12, 1995 ш.
Аԥсны иҟалеит арыцҳара дуӡӡа. Аԥсуа жәлар… Ааи, ааи,
инаҵшьны исҳәар сҭахуп «Аԥсуа жәлар» ҳәа. Дара ирыхшаз
рҵеицәа дуқәа раԥхьа идыргылақәаз аурыс ҵарауаҩ, аԥсуаа
ҳӡыргаҩ, ажәаҳәаҩ, ауаҩ-гәымшәа, Владислав Арӡынба
иарӷьажәҩа Иури Воронов, иаха, асааҭ жәба рзеиԥш, автоматла инаигәыдҵаны, дышьны дылкарыжьит иуада ашә
аԥхьаҵәҟьа.
Ашамҭаз аҭел дысзасит аҵарауаҩ Валери Бигәаа. Еигәы­
лацәоуп.
– Иԥсы шҭаз ахәшәтәырҭаҿы даҳгеит! – аниҳәа, уаҳа
ииҳәақәаз сазымӡырҩыкәа, ажәжәаҳәа сҽааилаҳәаны снеит ахәшәтәырҭаҿ. Иԥсҭазаара далҵхьан Иура. Угәы зҟычша,
ианиеихс, аорганаагьы, ҳаибашьыҩцәа аҷкәынцәа аухаҵәҟьа
дызшьыз дыркит. Изласаҳаз ала, дызшьыз аӡәы даԥсыуоуп,
егьи дчеченуп.
Уи аҩыза ҟамлацызт. Раԥхьаӡатәи аполитикатә уаҩшьроуп.
Дызшьыз иаарласны рус ӡбаны, ашьауӷа рықәҵаны, аҽныҵәҟьа
инарыгӡароуп. Анцәа иумҳәан, аха ус иҟамлар, уи иаанагоит,
иаҳзымдырӡо мҩак ианылеит ҳәа Аԥсны.
Сентиабр 21, 1995 ш.
Аӡхыҵ зҵалаз ҵиаак саҩызахеит, убасҟак сшьара
сықәнаҟьеит сҩыза ду Иура Воронов ишьра. Даара иӷәӷәаны
еиҿкаан уи иҭахара. Иалахәуп, ҳәарада, қарҭаа, аха даара
гәҩарас иукуеит Аԥсны аҩныҵҟагьы уаа дуқәак алахәушәа.
Аҵарауаа изларыԥхьаӡоз ала, А. Чехов иҩымҭақәа рҿы
иуԥылозаап аа-нызқьҩык аперсонажцәа рхаҿсахьақәа.
Ус анакәха, уи ашәҟәыҩҩ ду, аа-нызқьҩык рхаҿсахьақәа
дреиԥшхахьан иара ихаҭа. Ауаҩы ԥаршеи иӡбахә уала­
цәажәозаргьы, ауаҩы ҵоура ихаҿсахьа уалацәажәозаргьы,
зегь акоуп иааурԥшуа уара ухаҭа утәоуп.
Изхысҳәаауа, Иури Воронов аҵыхәтәантәи имҩахь данынаскьаргоз, Владислав Арӡынба исыдиҵан, аҳалал, ажәа
исҳәаз, иҩны саԥхьеит. Аӡәырҩы исарҳәеит ажәа бзиа
ихуҳәааит ҳәа. Ҳәарада, изкын сҩыза гәакьа. Аха иныҵакны

исҳәап, исҳәақәаз еиҳарак схаҭа исызкын. Аӡәы ихьаа узеилкаауам ухаҭа хьаа умамзар.
Иури Воронов аибашьраан иаргьы саргьы ҳхьаақәа
ахьеиқәшәоз мацара акәмызт ҳаидызкылоз. Ҳаиднакылон,
аибашьра ҟалаанӡа, СССР ахаан, ҳҩыџьегьы ҳахҭакны ҳрыман
«аҟаԥшьқәа».
Зыԥсҭазаара аԥсуаа ирыхҭнызҵаз, џьанаҭ игылаша Иури Воронов, ииашам акыр сҳәозар сшьамхы иахысаанӡа иаҳауеит.
«Аҟаԥшьқәа» иқәланы данеимырдоз, ахлымӡаах анизааргоз,
сара исылшоз ала сидгылон, игәы сырӷәӷәон. Иаргьы, аибашьра ашыкьымҭазы, апрель 25, 1993 шықәсазы, Гәдоуҭа
ҳаныҟаз, аоппозициа ҟаиҵеит, ихҭҳәааз ахарадҵарақәа
сыҭауа, кегебеиаа ансыԥхьа, сҩызцәақәа аԥсацәақәак харахара иансывсуаз, ажәала акәым, сара сзыҳәан Иури Воронов
иҩит аҽхәаԥхьыӡ астатиа.
Асеиԥш иҟоу афакт иуанаҳәо даара ирацәоуп.
Иара иеиԥш зеиԥшу рзыҳәан аҟәыӷацәа ирҳәахьеит: «Уаргьы духәоит, ихгьы дахәоит». Аурысцәа ирҳәеит даҽакала:
«Живи и дай жить другим».
Сентиабр 22, 1995 ш.
Иаха аԥсуа телехәаԥшрала иаҳдырбеит адокументалтә
телефильм «Аӡыхь ашҟа амҩа». Иазкуп сҳабла гәакьа Аҭара
Ахәы. Асценари сара изҩит. Иҭылхит ҳҳаблаҿ ииз, иааӡаз
Заира Бигәаа-ԥҳа. Даара уиеигәрӷьаратә дцәажәеит анхаҩабырг, аибашьра иалахәыз Иура Адлеиба. Ибзианы дцәажәеит
ҳҳаблаҿы командирс иҟаз, иӷәӷәаны ихәыз Вадик Бигәаа.
Аԥсуа ҳабла ԥшӡа, доуҳалагьы, мал-мазаралагьы, зегь рыла
ибеиаз ршьит ҳаӷацәа.
Сахьӡозар, мышкызны инеиҵыхны изҩыроуп ҳҳабла азы­
ҳәан.
Аҭаратәи Аҳәбақәеи абжьуаа раҳ Гьаргь Чачбеи еигәы­
лацәан. Ацҳа хҵаны, ажра ду рыбжьан аанда ацымхәрас.
Ажәытәӡан Аҳәбақәа Кәыҿбақәан. Ауаҩшьра иақәшәан, иахьынхоз Нхыҵ ааныжьны, Нхыҵи-Аахыҵи рҳәааҿы инхеит. Иахьынхоз ашьха ашьапаҿы иахьагьы уи ашьха иахьӡуп

Аҳәба-ишьха (Гора Ахуба) ҳәа. Ашьҭахь илбааны инхон Ԥсҳәы.
Аԥсны ду ашҟа ианылбаа, Аҳәбақәак нхара-нҵырас Аҭара
иаангылеит, даҽа џьоукы нхарҭа-нҵырҭас иалырхит Ҷлоу.
Аҭара иаанхаз даараӡа зхы иахәоз еишьцәазаарын. Ааӡара,
агәыԥҳәыхш, аицныҟәара уҳәа, даараӡа еизааигәан абжьуаа
раҳи дареи.
– Аарлаҳәа исгәалашәоит, хԥа-ԥшьба шықәса схыҵуан
абжьуаа раҳк, Гьаргь захьӡыз данԥсыз, – игәалаиршәон саб, –
еиҳараӡак исгәалашәо, даныржуаз ӡынран, асы шьҭан. Ҳазегьы,
ҳара, ахәыҷқәагьы ҳшьапқәа хтны аџьабараҿы ҳгылан. Иара
абжьуаа раҳ (ус изырҳәон, аха аҳра рымырххьан аурысцәа),
ажәлар ҳаҭыр ду иқәырҵон, аха иҟалеит арыцҳара дуӡӡа.
Аҵара дуӡӡа змаз, Урыстәыла иадгылаз, аинрал-леитенант,
аԥсуа ҵарадырра аларҵәаҩы, ииҳәоз еиҳараҩык ирмаҳаит
абжьуаа. Ииҳәоз змаҳаз Қьелешьбеи ду иеиқәырхаҩ, Аԥсны
зниҵаз амҩа иаҿагылаз, амҳаџьырра рзыҟалеит.
Аҭаратәи аҭаҳмадцәа, иныҵакны ирҳәо саҳахьан аҳ
Гьаргь иҷкәынгьы амҳаџьырра дагеит, аха ашьҭахь, маӡала
Аԥсныҟа дхынҳәит, анхацәа дҵәахны дрыман, иԥсҭазаара
даналҵ, маӡала, уахынла иаб иганаҿы анышә дамардеит ҳәа.
Ашәҟәыҩҩы изыҳәан ари еиӷьу асиужет абоуԥшаауеи! Уи адагьы ажәытәгьы аҿатәгьы аԥсуаа ирхыргахьоу, ҳсахьаркыратә
литература аҟны даараӡа имаҷуп аиашаҵәҟьа аазырԥшыша.
Аиашаҵәҟьа аҳәара, аҩра аамҭа анааи, ажәа аҳаҭыр лаҟәит,
аԥсуаа ҳҟны мацара акәым, зегьынџьара, еиҳараӡак Европа.
Октиабр 11, 1995 ш.
Иаҳа-иаҳа агәра зго салагеит, иахьакәым ҳкылызгаша
амҩа анылара ишаҿу шьоукы. Иаҳцәеилаҩашьо ҳалагеит ҳаз­
ҭахуи ҳазҭахыми.
Иаазгоит ҿырԥштәык.
Ибзианы издыруеит аурыс ҭаацәарак хаҵеи ԥҳәыси, аҩы­
џьегьы ҳақьымцәоуп. Иара, Виктор Лиубимов, невропотологуп, иԥҳәыс, Светлана, ахәыҷқәа зхәышәтәуа ҳақьымуп. Ҩыџьа
аҷкәынцәа рымоуп. Рыҷкәын аиҳабы Москва амедицинатә
институт дҭоуп.

Ишынҭаацәаз иқәырцеит, аибашьраан Аҟәа ахәышә­
тәырҭаҿы аус жәуан, ҳаӷацәа шәхәышәтәуан ҳәа ахара рыд­
ҵаны.
Ишынҭаацәоу иқәҵны ицеит. Игәырӷьаҵәа ирыдыркылеит Воронеж. Аусурҭақәа рырҭеит. Зыда ԥсыхәа ҳамам ауаа
анҳзымыхьча, ҳиааира ду ҳнапала иҭаҳархоит.
Октиабр 12, 1995 ш.
Аҟәа иуадаҿы иԥсҭазаара далҵит, аҵарауаҩ ду, шьала-далагьы, уаҩралагьы иаамысҭашәаз Шьалуа Инал-иԥа.
Ауаҩы игага шицу еиԥш, Шьалуа Денис-иԥа, дани аҽны инаркны инаишьклаԥало ишьҭан акы аҵкыс ак еицәаны ахатәы
гәырҩақәа.
Ажәлар раӷа, атроцкист ҳәа дҭаркит иашьеиҳаб Ипполит.
Ухаҿы иааг, уи шаҟа иԥырхагаз иԥсҭазаараҿы аҵарауаҩ Шьалуа, инацлеит, аиаша ҵәахны, аамҭа ианаалаша аҳәара.
И. Сталин данԥсы, аԥарда еиқәаҵәа анкаҳа, ҳҵарауаҩ
иҩит реиҳа хьаас имаз, аусумҭа дуӡӡа «Аԥсуаа ретно-куль­
туратә ҭоурых азҵаарақәа». Иҭыҵит Л. Брежнев ихаан, 1976
шықәсазы, аха аҳра ауан И. Сталин итеориа – ажәлар маҷ­
қәа рҭоурыхгьы хәыҷуп, аԥеиԥшгьы рымам, ажәлар дуқәа
ирылаӡҩароуп.
Зыӡбахә сҳәаз аусумҭа азыҳәан, аумаӡа изааргеит Шьалуа
Денис-иԥа. Изҵаара иалацәажәеит, иақәыӡбеит Аԥсны аобком аҟны.
Даҽакы.
Акьыԥхь ианымлацыз инапҩымҭақәа аус ахьиуаз, аԥсуа
институт аҟны иналаблит ампыҵахалаҩцәа Аҟәа рнапаҿы
ианыҟаз. Ухаҿы иааг, иҭагылазаашьа зеиԥшраз, знапҩымҭақәа
рыццышә иахагылаз аҵарауаҩ бырг!
Инацлеит иреицәаӡаз агәырҩа дуӡӡа – иҷкәын заҵәы аибашьраан дҭахеит. «Аԥсуа бызшәа здыруаз џьысшьон, аха
сазымхәыццызт иаанаго ажәа агәырҩа агәы аҩара, сгәы
ҩеит», – иҳәалон, џьанаҭ гыларҭас изауша, зыжәлар гәакьа
зыԥсҭазаара рыхҭнызҵаз Шьалуа Инал-иԥа.
Аиҿырԥшра иуанаҳәо рацәоуп. СССР-и Германиеи реи-

башьраан, аиааира дуӡӡа агеит СССР. Аха аҵыхәтәан, аргамаду
инаҳәы-ааҳәит. Аиааира згаз аҳәынҭқарра ҟәыбаса еилаҳаит.
Иҭахаз Германиа убасҟак ашьапы иқәгылеит, реиҳа ибеиаӡоу
ҳәынҭқаррахеит Европа. Уи иҳанаҳәо даара ирацәоуп.
Аԥсуаа ҳҭоурыхтә, ҳетнографиатә ҵарадырра харҭәаашьа
змам ацәыӡ дуӡӡа аиуит: иԥсҭазаара далҵит Шьалуа Иналиԥа. Ҳәарада, аҳалал ажәа бзиақәа ҳәаны, анышә дамардеит.
Шь. Д. Инал-иԥа даниуаз ициит аԥсуаа ргәаҟрақәа зегьы.
Ажәлар раӷацәа ҳәа, ауаа нагақәа, аҵарауаа, ашәҟәыҩҩцәа,
ажәакала, аҟәыӷацәа анындырҵәоз, иашьеиҳаб дҭаркит.
Иара, Шьалуа Денис-иԥа цәала-жьыла дрымшьит, аха игәы
дҭырҷаҷеит, иҵара-дырраҿы хашҭшьа змам хҭыс бааԥсын
изҵаара анырыӡбуаз Аԥснытәи аобком аҟны. Иалацәажәон
иусумҭа «Аԥсуаа ретно-культуратә ҭоурых азҵаарақәа».
Убраҟа ииҳәаз, ирыӡбаз акьыԥхь анҵара, ҳәарада, зегь
рыла иахәҭоуп. Убасҵәҟьа икьыԥхьтәуп Иура Воронов
адоктортә диссертациа Москва ианихьчоз ақырҭуа ҵарауаа
изааргаз.
Шь. Д. Инал-иԥа иаамҭа «дашьит» изныкымкәа. Агәырҩа
дуӡӡа дақәшәеит, иҷкәын дҭахеит. Аибашьра анцоз, аинтеллигенциа рхеидкыла рыхьӡала В. Г. Арӡынба иаҳҭеит ашәҟәы Шь.
Д. Инал-иԥа иҷкәынгьы далаҵаны, аҵарауаа ҿарацәа аибашьрахь имышьҭырц, аха дара ирымуит.
Шь. Д. Инал-иԥеи Иу. Воронови рыԥсы шҭаз «иршьит»
ҳаӷацәа. Акьыԥхь ианымлацыз русумҭақәа, ҩба-хԥа томла
иҭыҵшаз, Аԥсуа институт анырбылуаз иналаблит.
Изааӡарызеи Шь. Д. Инал-иԥа иԥсҭазаара иалҵра арццакит даҽакгьы, ибзиаӡаны издыруеит даараӡа анапы шигыз.
Афатә-ажәтә мацара акәым, ахәшәҵәҟьа злааихәашаз имамызт.
Иҟаҵатәны иаанхеит акы заҵәык: Шь.Д. Инал-иԥа иус­
умҭақәа рҭыжьра. Ихьӡ-иԥша шаҟа ишьҭыҵуа, убасҟак аҽар­
ӷәӷәоит ҳҳәынҭқарра қәыԥш.
Аԥсраҿы сахьгылаз, даҽакала сазхәыцит, анкьа зны сзыԥ­
хьахьаз Ницше иажәақәа: «Художник не терпит действительность». Самыԥхьац, иҳәоны исмаҳацызт, Шьалуа Денис-иԥа
абольшевикцәа рдиктатура ирҽхәаны. Даргьы иара изыҳәан

ажәа хаак рымҳәацызт. Аԥсны мацара акәым, адунеитәи
акультура уазхәыцыр, аҿырԥштәы рацәа уԥылоит, аҟәыӷацәа,
еиҳарак, ажәа азҟазацәа, раамҭеи дареи еинышәомызт.
Аамҭа – ауаа роуп. Ишԥаизныҟәеи аҟәыӷацәа рҟәыӷа Сократ? Иԥсҭазаара зеиԥшрааз Езоп? Гәаҟрала, рыцҳарала.
Уаҟәыҵ ажәытәӡа. Ананамгара, аӷарра иԥсҭазаара аркьаҿит,
адунеитәи амузыка зырбеиаз, аашәы инареиҳаны аԥҵамҭақәа
аԥызҵаз Вивальди. Ҳаамҭазы, асовет поет ду Мандельштам
зынӡаск ԥсышьацәгьа ирҭеит. Ҳара, аԥсуаа ҳҟны? Аџьнышқәа
раамҭа иацныҟәаз, рнапала иҭадырхеит аԥсуа шәҟәыҩҩцәа Л.
Лабахәуеи С. Ҷанбеи.
Аха, иухоумыршҭын, ишыҟоу даҽа ҟәыӷарак. Уи иҳәеит
ашәҟәыҩҩ ду, афилософ Ф. Достоевски: «Смирись, гордый человек!»
Октиабр 25, 1995 ш.
Сыбла иаахгылеит Аӡҩыбжьа, Аҭара, ҳаблақәак, Кындыӷ
уҳәа, аӷацәа ирцәыбналаны, аԥсуаа ашьха қыҭақәа рахь ианцоз, аидара мҩангага машьынақәа рыла џьоукы ирыманы
ицон рлақәа. Џьгьарда ааигәара инеиуаны, амашьына анаангыла, аџьмаҭра ашә анаауртлак, аџьмақәа анҭыппуа еиԥш,
амашьына аҟнытә, ахусуҳәа ишуа, илбааҟьеит алақәа акымкәа,
ҩбамкәа. Рызегьы азныказыҳәан амашьына инадҟьаны,
еимбӷьыжәаа иҩит, ашьҭахь, иаанаскьан, иааҳәны амашьынахь аԥшра иалагеит рыԥшәмацәа аауеит ҳәа игәыӷны, аха
амашьына ачарҭ наркны, алақәа ааныжьны ицеит ахҵәацәа.
Ԥыҭраамҭак алақәа амашьына иашьклаԥшуан, нас дасу
рхы ахьынахоз абнара илалеит, агәра ргахьазар акәхарын,
амҩақәа цәгьарамзар бзиара рзаанагом ҳәа.
Аҭара анысҳәа, иахьынӡаздыруала, уиаҟара идуз ақыҭа
Аԥсны иҟамызт. Аӡҩыбжьа, Кындыӷ рыбжьара амшын аҟынӡа
Аҭара иаҵанакуан. Ашьха аганахьала, Кәтолнӡа инаӡон. Асовет
мчы ахааноуп ианахьӡырҵаз Аҭара Армианскаиа ҳәа ақыҭа.
Дара, аҭаратәи аерманцәа, аҭаҭын аадрыхларц азыҳәан иаазгаз Лакраа ракәын. Иахьагьы еиқәханы иҟоуп Лакраа рҭаҭын
шьҭаҵарҭа.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан, аҭаратәи аерманцәа,
аҿарацәа рхы ҭырҟьазар акәхап, имаҷымкәа ҳаӷацәа ирыдгылеит, убри иахҟьаны, Аҭаратәи аерманцәа ирацәаҩны иқәҵны
ицар акәхеит. Хыԥхьаӡарала еиҳаз қыҭа ыҟамызт Очамчыра
араион аҟны. Иара ақыҭа, ажәытәан даҽа хьӡыкгьы аман –
Асар рымҩа ҳәа иашьҭан.
Зегьрыла аҽаԥсахит, иҵегьы аҽыԥсахра иаҿуп Аԥсны.
Октиабр 28, 1995 ш.
Исҳәо ахшыҩҵак ҿыцым. Ираҳахьеит, еиҭарҳәахьеит. Аха
ухаҭа уаназхәыцлак, иҿыцушәа, уара уда даҽаӡәы ихаҿы
имааизшәа убо уалагоит, насгьы иаҳа агәра угоит. Иарбану
иара ахшыҩҵак? Аԥсҭазаареи агәил шәҭи даараӡа еиԥшуп.
Агәил аҿы, махәҭа хәыҷык аҿы еилагӡоуп ацәгьеи абзиеи.
Аԥшӡагьы аҿаасҭагьы. Аԥшӡара ссируп. Афҩы лаҳа-лаҳауеит.
Аха ашәҭ зҿоу амахәҭа иалыҳәҳәоит амаӷқәа, ақәыцқәа.
Аҿаасҭара.
Иуанаҳәои?
Аҩбагьы Анцәа ишеит. Еицишеит. Аҩбагьы иара итәуп.
Ажәларгьы иаԥырҵеит ажәаԥҟа: «Ацәгьеи абзиеи рышьхәа
еивҵоуп». Еинымшәаларц аиӷарагьы рыбжьоуп.
Абарҭқәа рзыҳәан акәхап аҿарацәа рзыҳәан ирево­
лиуционерцәоуп ҳәа зырҳәо. Аҿарацәа ирылоу абзиара, аԥшӡара, аԥсыцқьара изанышәом аҿаасҭара, ацәгьамыцәгьара ашьҭахь, рықәрахь ианнеилак, аԥсҭазаара
закәыҵәҟьоу аилкаара ианалагалак, иконсерваторцәахоит,
агәра ргоит, ауаҩы ихаҭагьы ацәгьагьы абзиагьы шилоу.
Иҭаԥшақьу абри ахшыҩҵак сазкылсит, сроман «Ахамыш­
ҭыхә» аперсонажк сышизхәыцуаз. Аибашьраан иааирԥшит
иааилаз абзиарақәа зегьы. Иара изыҳәан раԥхьа игылан
ахьӡ-аԥша. Агәра ганы сыҟан, ахаҵара, ауаҩра иара ициит
ҳәа.
Уажәы? Аибашьра ашьҭахь? Илаз ацәгьарақәа зегьы
ааԥшит. Дызҿузеи? Арҳәра, аӷьычра.
Инаҳаркны уазхәыцыр?
Аԥсымҭәра.

Сроман аперсонаж изымхеит шьала-ԥхӡыла ирҳаз ахьӡаԥша, иҭаххеит амал-амазарагьы.
Ишԥеизууеи?
Октиабр 30, 1995 ш.
Ҳаамҭазтәи сахьак.
Аџьармыкьаҿ. Аԥсаатә ахьырҭиуа аҭыԥ. Исымбацызт аԥсуа
ҭыԥҳацәа акәытқәа рҭиуа. Ҭакәажәцәақәакгьы наскьаны
итәоуп ашәишәиқәа, акәатақәа еидҿаҳәаланы. Узхәаԥшлакгьы
ашәы ршәуп.
– Ари зыԥсоузеи? – арбаӷьк анаашьҭысх, изтәыз сналыхәа­
ԥшызар, сшанханы саанхеит. Абар рҵаҩыс исымаз, зықәрахь
инеихьоу аԥҳәыс бырг. Акәытқәа ахьылҭиуаз ааԥхалшьеит.
Саргьы иҟасҵара сақәымшәеит.
Аԥсшәа ааибаҳҳәеит.
– Иумбои сызҿу, арҵаҩы! – лҳәеит, – аибашьра мыжда, аибашьра! Аҵкыс еицәахеит Асовет мчы ахьхыбгалаз!
– Иҳалшозеи? Аамҭа аҽаԥсахит. Асовет мчы аазгаз ихдырбгалеит, – сҳәеит, лҭагылазаашьа снахашшаан, – акәытқәа
рыҭира мацара акәым, акәтаӷьқәа капанны ирҭиуа иааит аамҭа.
– Дара, исҭиуа акәытқәа, сара истәу џьушьома! Даҽа
џьоукы ирымхәҳаны, ҟәрышьқәак ацҵаны исҭиуеит. Абри
саҿуп сабшала, мҽышала, абас дныҟәызгоит сыԥшәма аинвалид, аибашьраан иӷәӷәаны дырхәит, дызныҟәаӡом. Абжьааԥны
– ашкол ахь.
Арҵаҩ… Ауаҩра улазааӡо…
Ҳашԥаҟало ҳаԥхьаҟа?
Октиабр 31, 1995 ш.
Аурыс газеҭ «Советская Россия» иануп инеиҵыху, иаарту ашәҟәы, Қырҭтәыла КГБ еиҳабыс иҟаз И. Георгаӡе
Е. Шеварднаӡе иахь ииҩыз. Аԥсуаа зегьы ҳшьа кәапеила
итазшәа, иаԥхьаз инеимырҟьо, еигәырӷьаҵәа аӡбахә рымоуп. Аҟәа уахьнеилак: «Уаԥхьама?», «Сышԥамыԥхьоз!», «Анцәа
диныҳәааит!» – рымшуп.

Жәаҳәарада, ҳаӷацәа рыҩныҵҟа хыла-гәыла ианеилоу,
рыхәдацәақәа анҵибакаауа узеигәырӷьаша усуп. Аха араҟа
узызхәыцша даҽакгьы ҟалеит. Сара сацәшәоит абасеиԥш
иҟалар ҳәа: Қырҭтәыла аӡмах иҭаҳаит, хәдацәахьы аҳәынҵәа
илагылоуп, ашьа кашуп, аха урҭ убас амҩа иқәлар ауеит,
иаҳа-иаҳа, ашьшьы-шьшьыҳәа аӡмах иалҵуа, иаҳа-иаҳа
рҽыдрыцқьо, избанзар, дшыҟьашьу зымӡо ауаҩы, иахьа
акәымзаргьы уеизгьы-уеизгьы иҽирыцқьалоит.
Ҳиааира ду ашьҭахь, ҳара ҳус иаҳа-иаҳа еицәахо иалагеит.
Ҳара, ахьӡ-аԥша дуӡӡа згаз, аӡыхь аҟнытә, иаҳа-иаҳа аӡмах
аҭалара ҳаҿуп, иԥшьоу, лаӷырӡыла ҳкәабаны ҳазлыҵыз аибашьра ҳәынҵәала аҟьашьра ҳаҿуп.
Изыхҟьозеи?
Ашьхақәа ирхыԥраауеит ашьауардын, аҳра ауеит ажә­
ҩанаҿ. Аха ашьауардын ааԥсаны адгьыл инықәтәоит. Убас
иааԥсазар ҳаламыс, иалшо зегьы ҟаҵаны, ихәжәазар, ҳаи­
қәырханы ҳаазго аԥсуара?
Ноиабр 7, 1995 ш.
– Изхысҳәаауа, нан, – лҳәан, уаанӡа ҳазлацәажәоз
инацылҵеит сан, – иумдыруеи, нан, ауаҩы деиқәырханы даазго агәыӷра ауп. Уаҳа сылшом уҳәартә аҟынӡа унеир, анцәа
иумҳәан, аха агәыӷра, ушымгәыӷӡо, аԥсы ааҭалоит, уаргьы
уааиқәнархоит. Иуасҳәап, нан, исаҳахьоу.
Анхәеи аҭацеи еибаргәааит, иҳәеит аӡәы. Аҭаца, ԥҳәыс
ӷьатамахжәак лакәзаарын.
Анхәа, аҭакәажә рыцҳа, лымахцә данкны, дырқәасқәасуа,
ааҵраҿы дналган, ацәыкәбар ахьлеиуаз даҵаҿалҳәеит, дыхьҭ­
шьны дыԥсырц, иҳәеит.
Аухантәарак аҭакәажә гәаҟ лыцқәа еихамгыло дшыхь­
ҭшьуаз, дымԥсыкәа иаалыршеит.
Аҵх ҵәца, иқәасӡысны ицеит, ажәҩан еилгеит, амра ҩа­
гылеит.
Агәылацәа дааԥдыртлеит аҭакәажә гәаҟ.
– Банаџьалбеит, иаха ахьҭа иҟаз ала, ԥсеиқәырхашьас
иҟабҵазеи? ҳәа, – иналазҵааит, иҳәеит.

Аҭакәажә ус ҿаалҭит:
– Аҩны ааҵра аҟнытә ашьхаҟа уанԥшлак, нан, абнеи­
қәара унылаԥшуеит. Убри, абнеиқәараҿ, Анцәа диныҳәартә,
ныҟәаҩызу, хьчак иакәзу, амца изеиқәын иаашаанӡа.
Сахьынаԥшуаз, нанраа, избон, убри амца сарԥхагәышьон, –
лҳәеит.
Лажәа даналгоз сан:
– Убас, нан, хараӡа еиқәу амца иаҩызоуп агәыӷра.
Ноиабр 9, 1995 ш.
Сызхаанхаз аамҭа иааидкыланы сназхәыцыр, убасшәа
сгәы иаанагоит, ианеиҵаха, ҩышә-хышә шықәса схыҵуашәа.
Сахаануп аимпериа дуӡӡа СССР, адунеи зегьы зыр­хыџ­
хыџуаз. Сахаанхеит уи аилаҳара.
Ҿырԥш хәыҷык.
Аҭара Ахәы ҳахьынхоз, ҳаҩны ашьҭахь абна-ккараҿы игылан аџьҵла дуӡӡа. Узаҵамԥшуа убасҟак иҳаракын. Ҩыџьа
ахацәа рнапқәа акәшомызт, убасҟак идуун.
Жәытәнатә аахыс убри аџьҵла амҵан ныҳәарҭас иҳаман.
Убас ныҳәарҭас ирыман ҳабацәа рабацәа, Аҭара инхоз Аҳә­
бақәа.
Иҟалеит иџьоушьаша. Саб иԥсҭазаара далҵит апрель мзазы. Мызкы мҵыкәа, ԥшатлакә акәым, изакәызаалак ԥшак асуамызт, ақәа, асы ҳәа акгьы ыҟамызт. Иаалырҟьаны ҽнак, ҳаџь
ду лыҵыҩрын, агәараҳәа илкаҳаит.
Иахькаҳауаз, иаакәыршаны игылаз аҵлақәа хыжәжәаны
инеиланажьит, џьоукы зынӡа иҵнажәеит, ахаан изымгыло.
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 34
  • Büleklär
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3297
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2168
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3320
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2205
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3316
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2137
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3287
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2274
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3310
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2217
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3312
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2192
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3344
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2253
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3343
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2243
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3376
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2272
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3361
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2270
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3391
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2253
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3305
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2240
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3306
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2239
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3344
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2122
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3341
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2196
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3317
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2193
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3387
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2182
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3341
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2238
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 19
    Süzlärneñ gomumi sanı 3344
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2149
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 20
    Süzlärneñ gomumi sanı 3317
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2281
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 21
    Süzlärneñ gomumi sanı 3324
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2241
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 22
    Süzlärneñ gomumi sanı 3363
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2230
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 23
    Süzlärneñ gomumi sanı 3382
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2125
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 24
    Süzlärneñ gomumi sanı 3392
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2127
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 25
    Süzlärneñ gomumi sanı 3405
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2240
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 26
    Süzlärneñ gomumi sanı 3292
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2235
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 27
    Süzlärneñ gomumi sanı 3317
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2213
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 28
    Süzlärneñ gomumi sanı 3332
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2237
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 29
    Süzlärneñ gomumi sanı 3332
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2251
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 30
    Süzlärneñ gomumi sanı 3299
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2291
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 31
    Süzlärneñ gomumi sanı 3267
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2345
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 32
    Süzlärneñ gomumi sanı 3318
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2355
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 33
    Süzlärneñ gomumi sanı 3308
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2234
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 34
    Süzlärneñ gomumi sanı 3318
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2304
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 35
    Süzlärneñ gomumi sanı 3386
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2303
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 36
    Süzlärneñ gomumi sanı 3299
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2329
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 37
    Süzlärneñ gomumi sanı 3306
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2320
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 38
    Süzlärneñ gomumi sanı 3363
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2108
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 39
    Süzlärneñ gomumi sanı 3361
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2193
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 40
    Süzlärneñ gomumi sanı 3410
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2206
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 41
    Süzlärneñ gomumi sanı 3336
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2182
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 42
    Süzlärneñ gomumi sanı 3265
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2139
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 43
    Süzlärneñ gomumi sanı 3370
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2247
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 44
    Süzlärneñ gomumi sanı 3336
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2147
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 45
    Süzlärneñ gomumi sanı 2585
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1744