Latin

Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 32

Süzlärneñ gomumi sanı 3318
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2355
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
письма» (1947–1989).
Изызӡарызеи, еиҳарак изаасхәаз – уаҟа иагәылоуп 1967
шықәсазы гәыԥҩык иаҳҩыз ашәҟәы. Иаразнак игәасҭеит,
ҳашәҟәы ианаҵаҳаҩуаз, аӡбахәгьы имаҳаӡацызт, ЦК КПСС
ианраҳҭоз аҽныҵәҟьа амҩан дҳахьӡаны, знапы анызҵаз аӡәы.
Кремль аусзуҩцәа иҳарҳәеит иҵегьы ишәыркьаҿ ҳәа.
Убас егьыҟаҳҵеит, ԥсыхәа ахьынӡамаз еилацаланы иаҳҩит.
Ҳаззықәԥоз, ажәлар иҳадырҵаз ахшыҩҵак хада, ҳәарада,
ианаҳҵеит: «Абхазия не может более оставаться на автономных началах в составе Грузинской ССР».
ЦК КПСС аҟны Кавказтәи ареспубликақәа рхылаԥшра знапы ианыз В. В. Василиев ҳанидикылаз, ҳазегьы ҳазлацәажәоз
Қырҭтәыла алҵра ада даҽа мҩак шыҟам ауп. Шәҟәыҩҩык
иаҳасабала угәы иалоузеи ҳәа иансазҵаа, афактқәа ааганы
салацәажәеит Л. П. Бериа имҩаԥигоз амилаҭтә политика иахьагьы амч ду шамоу.
Жәлар реизараҿы иалырхыз, ЦК КПСС аилацәажәараҿы
Анцәа ииныҳәаша, рызегьы ибзиаӡаны ицәажәеит. Абарҭқәа
зысҳәо ЦК КПСС архив аҟны, хымԥада, иҟоуп ҳаиԥылараҿы
иаҳҳәақәоз астенограмма. Уи мацароума! Аҭоурыхҭҵааҩцәа
ирыԥшааша даара ирацәоуп.
Сызлацәажәо, адокументқәа еидызкыло ашәҟәы аҟны,
сгәанала, иҳәатәымызт, иҳацыз ҩыџьа ауаа, ҳааныжьны,

рыҽ­ӡаны Аҟәаҟа ишыхынҳәыз. Убас иҟоу агхақәа ҟаломызт
ашәҟәы ишахәҭаҵәҟьоу иҟаҵазҭгьы. Асса-мыссақәа раҵ­
кыс акырӡа еиҳауп ашәҟәы абзиарақәа. Убри азыҳәан
аиқәыршәаҩ-аҭыжьҩы идуӡӡаны иҭабуп ҳәа иаҳәатәуп.
Апрель 13, 1995 ш.
Иацы анышә дамардон Иура Лакоба. Аиуара-аҭынхара,
мамзаргьы аиҩызара ҳабжьаны акәым. Ҳаамҭазтәи
афырхаҵа дыԥсызар, сышԥамцои сҳәеит. Снеин, снеихагылан,
аҭынхацәа снарыдышшылан, аԥсшәа наиаҳәаны снаивагылеит В. Г. Арӡынба. Аԥсы дықәыргаанӡа исзымычҳазт, сцеит.
Иара, аԥсуаа зегьы еицаҳзеиԥшу ҳԥыза ду, ашьҭахь исарҳәон,
аԥсы анышә дахьамардоз Лыхныҟагьы дрыццеит ҳәа.
Аԥсны аибашьра ҟалаанӡа абри аҩыза аԥсыжра
салаԥшхьеит знык. Уи изкын машәырла иҭахаз Жорик Мишаиԥа Аҳәба. Уаҵәы анышә дамардоны уахеиԥш, аҵхыбжьон
иааҳалаҩҩит, шәнаскьа-ааскьа ҳәа, ауаа рӷьычреи рышьреи
азыҳәан абна илоу Мырхәлаак дааиуеит, аиҿахысра ҟалоит,
дыршьуеит, ддырбаандаҩуеит аорганаа ҳәа.
Апап иеиԥш, ижакьа оушьҭны, ицәышыз плашь дук
ишәҵаны, ҩыџьа арԥарцәа ивагыланы, даҽаӡәы ишьҭахь дгыланы дааҳавалт, ашьшьыҳәа дыҩхалеит аԥсы даахьыкҿаз.
Ахыбра иакәшаны игылан Аԥснытәи аҿарацәа-абжьысцәа.
Аҳ дыҩхалан, аҳ ду иҿаԥхьа ишьамхқәа наирсын, илахьиџьымшь иӡатәит.
– Данылбаауа дыршьуеит! – иҳәеит аӡәы.
– Дҿаҳәаны дыргоит, – иҳәеит егьи.
Сыблала избарц сҭаххеит иҟало. Жәаҩыла, инаскьа-ааскьаны игылан амилиционерцәа. Ашьшьыҳәа дҩарылсны,
изыԥшыз амашьына дақәтәаны данца, акыр днаскьахьаны,
еиқәырццакны ахысыбжьқәа геит.
– Дыршьит! – иҳәеит аӡәы.
– Дызшьуадаз?
– Аорганаа!
– Игәырӷьаны ихысит дахьцаз, – иҳәеит даҽаӡәы, – ами­
лиционерцәа ҩыџьа ишьхьеит. Гранатла деибыҭан. Ҳаргьы
ҳанирҵәон.

Ауха Аҟәа иреиҳаз асасааирҭа «Абхазиа» иҭәны иҩнан
СССР абандитцәа. Аӡәымзар аӡәгьы дырзымкӡеит. Рыхшыҩ
хада Жорик Аҳәба анышә данамарда, ргәы рҭынчны дасу
ртерриториақәа рахь ицеит. Атерриториа зысҳәа, СССР хәҭахәҭала ишаны ирыман.
Уҳәан-сҳәанны исаҳахьан, Жорик иҭыԥ ааникылоит ҳәа
Иура Лакоба. Аҟәа данҭарк, аучилишьче сҭан, сашьа иҭыԥ аанызкылаз дызбап сҳәан, иус ахьырыӡбоз снеит, Верховный
суд аҟны, Красный мост ааигәара ахыбра ду аҟны.
Ахарақәҵара идырҵози, иҟаиҵоз аҭакқәагьы уажәшьҭа
исгәалашәом, аха ахаан исхамышҭуа исзаанхеит убра,
аусӡбараҿы иҟалаз.
Аҵыхәтәантәи ажәа ҳәа, ҳәа аниарҳәа, ахырқьиара,
мамзаргьы иҟаиҵаз ацәгьарақәа дрыхьхәны акәымкәа,
ҿырҳәала ажәеинраала аҳәара далагеит. Ажәеинраала акәым,
инеиҵыхыз апоема. Аусӡбаҩцәа шанханы изыӡырҩуан.
Иаргьы даланагаланы даԥхьо-даԥхьо, иаҳа-иаҳа ашьшьышьшьыҳәа аԥенџьыр ашҟа днаскьа-наскьо даназааигәаха,
абжьас даҩызаха, ашыҩҵәҳәа дҩаҵҟьан, аԥенџьыр ҟәыбаса
иганы, дууаӡа дыԥеит, ахԥатәи аихагыла аҟнытә. Агәарԥ аҟны
иԥшны игылазаарын иҩызцәа машьынала. Даныԥа, плашь
жәпак иҵакны иркын, данылаԥала, даалаҳәаны, дымҵарсны
дыргеит.
Ҩажәак еихысҳәаалоит.
Автомат ашьхәала схы иасны, сыԥсы маҷханы, сыхдырра сзымдырӡо, сырбаандаҩны ақырҭуа фашистцәа санырга,
абандитцәа ркомандир Џьаба Иоселиани сареи ҳанеицәажәа:
– Саныҷкәыназ абахҭа сҭакын, дсыцҭакын аԥсыуак, ихьӡын
Иура Лакоба, –ҳәа ҿааиҭит, – даара дуаҩ ҟәышын.
– Ауриацәа реиԥш, убас дыҟоуп иашьагьы, аха иҟәыӷара
уаҩҵас ихы изархәом, – анысҳәа, дсазҵааит аҩыџьегьы удыруама ҳәа.
Иӡааҟәрыло аҭәыц дахьынҳалоит ҳәа, ҳаӷацәа рԥыза
иаҳәара салагеит, хыхь сызлацәажәоз Иура ажәеинраалала
рхы ҭҟьаны, аԥенџьыр дкылԥаны дшыбналаз. Насгьы
сеигәырӷьаны иасҳәеит ҳшеиҩызцәоу, мцыла ирҭәны
иацысҵеит иара дҭаркаанӡа иаҳзеиԥшыз ус бзиаӡақәак

ҳарҿызшәа. Ихсыркәшеит: «Соуушьҭыр, дыԥшааны шәысалам
исҭоит, иасҳәоит шәышсыцхрааз».
Ҳаизыхынҳәып, зыԥсаҭа шкәакәахаша, Иура Лакоба,
иԥсыжра аҽны убасҟак ауаа рацәан, ажәлар рҵеи дук дыԥсы­
зшәа.
Аԥсреи абзареи ҳанҭагылаз аамҭазы, ҳԥыза ду иҟаиҵаз
аҟәыӷарақәа иреиуазар иахьа иҟаиҵаз? Аус бааԥсқәа ирҿыз
ауаагьы ҳацхраарц, иҳавагылартә аҟаҵара уи хаҵароуп.
Агазеҭ «Сегодня» Иура Лакоба изкны ианырҵеит анекролог-астатиа. Уиала еилукаауеит Аԥсны анҭыҵ иавторитет
шыҳаракыз. Иаазгоит цәаҳәақәак: «Он считался одним из
старейших и авторитетнейших российских «воров», считался одним из лидеров абхазского преступного мира».
Ухы уазҵаауеит, аԥсҭазаараҿы иаԥшәымақәада? Исылшо
акоуп, схы иасырхәап ажәытәӡатәи аурымцәа римператор
ииҳәахьоу: «Измени свое отношение к тому, что тебя волнует и это перестанет тебя волновать».
Апрель 16, 1995 ш.
Аҟәа аиааира ашҭаҿы имҩаԥысит акыр нызқьҩык злахәыз
амитинг. Уи азкын Аԥсны Урыстәыла иадлеижьҭеи 185 шықәса
аҵра. Даҽазнык иааҳарԥшит Урыстәыла ада ԥсыхәа шҳамам.
Амитинг аҟны дцәажәеит ҳпоет ду Б. У. Шьынқәба. Еснагь еиԥш, иажәа ԥшӡа ухнахуеит. Иамуазар акәхарын, аха
аҳәашьа ԥшааны, ажәақәак иҳәар ҳарԥшӡон Чечентәыла
имҩаԥысуа аибашьра аанкылашьа, ҳара, кавказаа зегьы ҳгәы
ишалоу. Уиадагьы, даҽазнык агәра згеит, ашәҟәыҩҩреи аполитикеи еилагӡашьа шамам. Иаҳҳәап, абри даара иԥырхагахеит
аҩажәатәи ашәышықәсазы иналукааша ашәҟәыҩҩы ду «Дон
ҭынч» зҩыз М. А. Шолохов. Ихьӡ-иԥша даара иланарҟәит
ашәҟәыҩҩцәа рзыҳәан Б. Пастернак ииҳәақәоз ажәа бааԥс­
қәа, атрибуна дуқәа рҟнытә.
Ашәҟәыҩҩы, иажәа мацара акәым, ихатәы ԥсҭазаарагьы
абырҵкал икылихлароуп, шә-блак ирыҵашәоит иҩымҭақәа,
шә-блак ирыҵашәоит ихатәы ԥсҭазаарагьы, еиҳарак, аԥсуаа
ҳҿы.

Маи 3, 1995 ш.
Даара ҳаҭыр зқәуҵаша ауаа нагақәа иаагәоуҭартә
рдунеихәаԥшра аҽыԥсахра иаҿуп. Рхатәы интересқәа иаҳа
ирызхәыцуа иалагеит. Ахеиқәырхара. Ухы узамыхәар, аӡәгьы
уиҭахӡам, аҳәынҭқарра дара рзыҳәан иҟаӡам. Зынӡаск
рнапқәа ԥдыртлеит ҳчынуаа. Рыԥсҭазаара ԥашәс иамоуп
формула кьаҿк: «Усҟан ус аҭахын». Абриала рхы дырқьиалоит
раԥхьаҟа. Аха инарҵауланы иҵәаху даҽакуп: «Сыҟанаҵ
исҭаху ҟасҵалап, саныҟамло ирҭаху рҳәалааит». Асеиԥш
иҟоу ахәыцрақәа, ахымҩаԥгашьақәа аԥсуаа ирыцәтәымуп,
ҳажәлар ахьынӡаздыруа. Уажәы ҳазнылаз амҩа сацәшәоит
иахьакәым ҳкылнагар ҳәа.
Маи 20, 1995 ш.
Макьанагьы цқьа агәра сымгацт, Аԥсны зегьы акәым,
еиҳараӡак, Аҟәа, ҳара, аԥсацәа ишаҳтәу, ҳшақәиҭу. Схала
ақалақь салаланы сышнеиуаз, Администрациа аԥхьа, мрагылара аганахьала ишьҭоу абаҳча сныҵалан, агәҭашәа игылаз
арымӡ снықәтәеит.
Уахьынаԥшааԥшлак, ауаа даара имаҷуп. Изыхҟьақәо сыздыруам, шамахамзар, иуԥылаӡом аҿарацәа, еиҳараӡак аҵаҩ­
цәа, астудентцәа.
Цәгьамзар бзиа дахыччом ҳәа, схала сахьтәаз, ацәыҵаччара
салагеит агорсовет аԥхьаҵәҟьа сҩызаки сареи қырҭцәақәак
иаҳзырухьаз анысгәалашәа.
Еибаҳҳәоз сгәалашәом, аха ҳабжьы ҭыганы аԥсышәала
ҳцәажәон, еиҳарак зыбжьы дууз сҩыза иакәын. Ҳара ҳаҵкыс
еиҳабацәас хацәақәак ҳавсны ишцоз, руаӡәк даақәгьежьаан,
ажәак мҳәаӡакәа саԥхьа игылаз сҩыза диҿасит, «маимуни» ҳәа нацҵаны. Егьырҭ ркьатеи ԥҵәо иаҳхыччеит. Ҳара,
ашкол хәыҷқәа иҳалшагәышьоз, ҳшәан, ҳаибарҩит. Ҳхатәы
бызшәала ҳахьцәажәоз ҳахырҟьаны шаҟа цәгьара ҳзырухьааз,
ҳашьцылахьан. «Рыԥсы сакәыхшоуп, ҳшьа зуз ҳаҷкәынцәа!»
сҳәеит, сахьтәаз сгәанала.
Снаҵаԥшит аџьҵла. Убри аҵлагьы хҭыск аасгәаланаршәеит.
Аԥсны ииуа ашәаԥыџьаԥ зегьы қырҭуа ҵиаақәазаарын. Схы

еивҟьазшәа схәыҭхәыҭуа сцәажәон схала: «Аа, абри аџь, Администрациа аԥхьа игылоу, ашьапаҿы, аҭанақьы иадҩыланы,
иарсын плакат хәыҷык. Иаҳәозеи? «Грузинский дуб». Аурыс
бызшәа ибзианы издыруаз анаԥхьалак: «Дубина» рҳәалон
ирхыччаны. Уажәы инацысҵеит: «Дуба дали дубины».
Агәалашәара цәыршәагақәа наҟ исԥырҵырц, гәалашәара
ԥшӡак ашҟа сниасит саҵаԥшуа, ӡынгьы-ԥхынгьы ииаҵәаӡа
игылоу ашәҭҵла олеандр.
1965 шықәсазы, ажурнал «Молодая гвардия» ажәаҩатәи
аномер аҟны иркьыԥхьит сажәабжь «Ҭуӷан».
Мҩамш ҳәа ҵакыс иаҭаны аԥхьажәа иҩит Вл. Лидин.
Владимир Герман-иԥа Лидин ҳинститут аҟны асеминар
мҩаԥигон. Даҽакала иуҳәозар, рҵаҩыс дсыман. Иара ихаҭа
дышәҟәыҩҩ бзиан, еиҳараӡак иҩуан идумыз ажәабжьқәа.
Иҩымҭақәа тираж рацәала иҭыҵлон. Иҩымҭақәа реизгақәа
хә-томкны иҭыҵхьан. Идырра даара иҵаулан. Азеижәтәи
ашәышықәсазтәи аурыс интеллигентцәа рцәа ихубаауан.
Иҵаулаз, иҭбааз идырра мацара акәым, ихымҩаԥгашьала,
аԥсышәала иуҳәозар, дуаҩаамысҭашәан.
Сзыԥсам аҟара ҳаҭыр сықәиҵон. Аԥсны акырынтә даахьан.
Иналаршәны иҿыҵшәалон аԥсуаа ҳҭагылазаашьа хьаас ишимаз.
Исхамышҭуа исзаанхеит ҽнак, асеминариа аҟны, иажәа
иалаҵаны ииҳәаз, аа, абри, уажәы сызҵаԥшуа, ашәҭҵла
азыҳәан ихы насықәкны ииҳәаз:
– Шәара шәҿы ииуа ашәҭ-ҵла, ашәҟәыҩҩы иҩызоуп.
Аҳауа ишанаалаша иҿалоит ашәҭ, зны ишкәакәаны, даҽазны
ииаҵәаӡа, мамзаргьы иҟаԥшьӡа. Убасшәоуп ашәҟәыҩҩгьы
аԥсҭазаара дшахәаԥшуа, ишидикыло.
Ашьҭахь дсазҵааит уи ашәҭҵла удыруама ҳәа. Иасҳәеит
схәыҷаахыс ишыздыруа, сахьиз, схәыҷра ахьымҩаԥысыз
сқыҭаҿы ишыҟоу аԥсуа аҳцәа рынхарҭа, убраҟа ишгылоу
ашәҭҵла олеандрқәа.
Ишысҳәаз еиԥш, сажәабжь иазкны аԥхьажәа ахьиҩыз
азыҳәан, ҳамҭак исҭароуп ҳәа сышхәыцуаз, иаасгәалашәеит
зыӡбахә ҳаиҳәахьаз, бзиа иибо ашәҭҵла.
Ажәа мыцхәы заҭахузеи!

Ишәхымс санхыҵ, сара сзыҳәан ажәа ԥхақәа ииҳәаз
азыҳәан идуӡӡаны иҭабуп, ииҳәаз аҽхәаԥхьыӡқәа срыԥсахааит
ҳәа аҭабуура ашьҭахь, ашәҭ-ҵла олеандр шьыҵәрак наисыркит.
– Сарԥысра шәырхынҳәит! – иҳәеит даара игәы иахәаны
Владимир Герман-иԥа.
Иара иаҟара ахатәы библиотека змоу дсымбац. Даараӡа
ирацәаны иман, рнапы аҵаҩны ашәҟәыҩҩцәа дуқәа ирҭахьаз
ашәҟәқәа.
Ҳалацәажәон М. Горкии иареи реизыҟазаашьа, шаҟантә
дицхраахьаз. Саргьы иасҳәеит Максим Алексеи-иԥа Аԥсны
изныкымкәа дшаахьаз, ажәа бзиақәагьы шиҩхьоу Аԥсны
иазкны.
Ҳашцәажәоз, – Аурыс бызшәала иуҩлартә иудыруеит,
изумыҩуазеи урыс бызшәала? –днасазҵааит.
– Астатиақәа зыҩлоит урыс бызшәала. Аха асахьаркыратә
ҩымҭа сзыҩӡом. Сахьаркырала схәыцуеит сани саби рбыз­
шәала, – ашьҭахь иасҳәеит, схәыҷра иадҳәалоу хҭыск, исхызгахьоу.
– Ишәаҳахьазар акәхап, Аԥсны иҟоуп арацәа ахьыҵырхуа,
индустриатә қалақьк. Убраҟа дынхон иҭаацәараз саб иашьа.
Иара сиааӡон саныхәыҷыз. Аурыс школ сҭан. Иааҳакәыршаны
инхоз зегьы аурысқәан. Схатәы бызшәа, аԥсуа бызшәа, аарла еилыскаауа аҟынӡа исхашҭит. Ахԥатәи акласс салгахьаны,
аҩныҟа, ақыҭахь саб сигеит. Дхынҳәит абахҭа аҟнытә. Ажәлар
раӷа, атроцкист ҳәа дҭакын…
– Ашәҟәыҩҩы изыҳәан уара абиографиа бзиа умоуп,
иуҩыша даара ирацәоуп ҳәа, – ҿааиҭит апрофессор.
– Ишшәасҳәаз еиԥш, уаҟа, аурыс бызшәа аамышьҭахь
даҽа бызшәак ахьысмаҳауаз, уажәы, саб сахьааигаз, сахьиз,
ашкол сҭалаанӡа сахьынхоз, аԥсуа бызшәа аамышьҭахь даҽа
бызшәак саҳауамызт. Сгәҵаҿы иҵәахыз ҿыхеит, аԥсы ҭалеит
сани саби рбызшәа – аԥсшәа, – иџьашьаны дӡырҩуан спрофессор, –ҳәарада, ижәдыруеит Иван Сергеи-иԥа Тургенев
ибзианы ииҳәаз аурыс бызшәа азыҳәан: «О, великий, могучий, правдивый и свободный русский язык». Сыгәра жәга,
ашәҟәыҩҩы изыҳәан даара-даараӡа ибеиоу бызшәоуп. Сани

саби ибзианы ирдыруеит ажәлар рҳәамҭақәа, алакәқәа, ажәа­
бжьқәа, насгьы урҭ ҭәуп ҟәыӷарала.
– Иугәалашәо, аԥсуа жәаԥҟақәак сзааугару? – днасазҵааит
абырг, аинтеллигент.
– Аиҳабы дызмам Анцәа димам, – сҳәеит аԥсышәала.
Ԥсыхәа ахьынӡамаз, ҳаицхырааны ианеиҭаҳга, – Достоевски ииҳәахьоу ахшыҩҵак ду даара иазааигәоуп: «Если нет
Бога, значит все позволено», «Если не чтить старшего, для тебя
нет Бога!».
– Иаҵаҵәахуп ахԥатәи аҵакгьы: «Аҳ думамзар, Анцәа
думам, аҳ – аԥыза, анапхгаҩы». Достоевски ииҳәахьаз
анышәҳәа, исгәаланаршәеит Лев Толстои ироман «Анна Каренина». Хымԥада, ижәдыруеит, епиграфс иҟаиҵеит Лоренс
От Стерн ихшыҩҵак: «Нити добра и нити зла так переплетены, что нельзя вынуть одну нить не повредив другую». Сара
саб, аԥхьашьа аҩышьа зынӡаск иззымдыруаз, лассы-лассы
иҳәалоит ажәаԥҟак: «Ацәгьеи абзиеи, жьи наԥхыци реиԥш,
рышьхәа еивҵоуп» ҳәа.
Иахьынӡасылшоз ианизеиҭазга ашьҭахь, акраамҭа ҳрыла­
цәажәон ажәлар рҳәамҭақәа.
Сырҵаҩы аҟәыӷа-ашәҟәыҩҩы, даараӡа игәаԥхазар
акәхарын, ақьаади акалами саԥхьа инықәиҵан:
– Иуҳәаз аԥсуа жәаԥҟа «кто не имеет старшего» аԥсышәала
исзанҵа аниҳәа, типографиатә нбанла, сашьклаԥшуа ианыс­
ҵеит: «Аиҳабы дызмам Анцәа димам». Даҽазнык изеиҭасҳәеит
акымкәа-ҩбамкәа аҵакқәа шамоу, насгьы инацысҵеит иара
иазааигәоу даҽа жәаԥҟак: «Аиҳабы дзыԥсоу анудыруа,
даныҟам ауп». Уигьы нбанҵакыла ианизеиҭазга, аԥсышәала
ақьаад изанысҵеит.
Ҳанеиԥырҵуаз иажәақәа қьиарала иҭәны, ус ҿааиҭит аурыс шәҟәыҩҩы:
– Даара шәиашоуп шәхатәы бызшәала шәахьыҩуа, шәықәҿиарақәа среигәырӷьоит.
Ииун 11, 1995 ш.
Дарбану сгәалашәом, философк иҳәеит, амшынҵақәа инадыркны, аҭаацәара иазку асалам шәҟәқәа инадыркны, ақьаад

ианыло зегьы, мышкызны аԥхьаҩцәа ирымԥыхьашәоит ҳәа. Уи
ахшыҩҵак иашазар, схы сазҵааит, ус иҟалаҵәҟьозар, ицәгьоу,
ибзиоу? Аҳәара уадаҩуп. Лев Толстои ду, шамахамзар, есҽны
иҩуан амшынҵақәа, аха аиҳарак ҭрыжьӡом. Аҭыжьра анысҳәа,
ашәҟәыҩҩцәа рышәҟәыҩҩы, адунеитәи аклассикатә литература анцәахәы, асахьаркыратә ҩымҭақәа имоуп жәабаҟа том,
аҭыжьра иаԥсам ҳәа архив аҟны иҵәахуп.
Абарҭқәа сызлацәажәо, ҳаамҭазтәи аԥсуа шәҟәыҩҩы ианаҳәаша даара ирацәоуп.
Асовет цензура, ҳәарада, ашьамҭлаҳә иаҩызан, аха иаман
бзиарақәакгьы. Сахьаркырала иԥсыҽыз ааннакылон. Уажәазы,
алитература азыҳәан, итҟәацыз абомба иаҩызахеит. Адамба
анытҟәацлак, аӡы-цқьа иалаҭәаны ихышхыҵәо аҿынанахоит
агәамсам зегьы аманы. Абырҵкал даҩызахароуп аԥхьаҩ. Аха
ҳара ҳҿы аԥхьаҩцәа хыԥхьаӡаралагьы иаҳа-иаҳа имаҷхоит,
иаԥхьогьы ргьама даара илаҟәуп. Лассы-лассы иуаҳалоит
зынӡак измыԥхьац аҩымҭақәа дырҽхәо.
Амшынҵақәа санрылацәажәа, исгәалашәеит Баграт
Шьынқәба амшынҵақәа рзыҳәан исеиҳәахьаз. Изласеиҳәаз
ала, амаҵура ду аҿы дахьынӡаҟаз, абиуро аилатәара инаркны
иибоз, иаҳауаз, хьаас имаз зегьы аниҵозаарын. Исхашҭуам
ииҳәаз ажәақәа: «Уаҟа аума рнуп. Макьана кьыԥхьшьа рымам».
Ганкахьала исгәаԥхеит ииҳәаз, аха иахьшәарҭақәоугьы
рацәоуп, еиҳараӡак ачынуаҩ ду изыҳәан. Изгәамҭаӡакәа,
иааҳәны иара ихаҭа иҿагылар ҟалоит. Аиаша алацәгьа
иаҩызоуп. Иурҿыхар, ухаҭа иуцҳар ҟалоит.
Анхацәа роума, аусуцәа роума, рызегьы шеиԥшым,
убасҵәҟьа зегьрыла еиԥшӡам ашәҟәыҩҩцәагьы. Излеи­
ԥшымыз ашәҟәыҩҩцәа дуӡӡақәа Л. Толстоии Ф. Достоевскии? Л. Толстои иааирԥшуан аурысцәа ҟаларц шиҭахыз,
абас иҟалар ҟалон ҳәа. Ф. Достоевски иааирԥшуан аурысцәа
шыҟаҵәҟьаз. Рхаҭақәагьы рхатәы ԥсҭазаараҿы дгьыли
жәҩани реиԥш еицәыхаран. Ашьыцра зынӡагьы иламызт Ф.
Достоевски. Иԥсхьазгьы, зыԥсы ҭазгьы аӡәымзар аӡәы иранаижьуамызт ахьӡ-аԥша дуқәа Л. Толстои. Абарҭқәа ирых­
ҟьны, еицәажәаӡомызт ҩыџьа ашәҟәыҩҩцәа дуӡӡақәа.

Аԥсуа шәҟәыҩҩцәагьы, рҩышьа шеицәыхароу еиԥшҵәҟьа,
рхаҭақәагьы руаҩышьагьы даара еицәыхароуп. Даҽакала
иуҳәозар, еиԥшым баҩхатәралагьы уаҩралагьы. Ибзианы
дыздыруеит шәҟәыҩҩык, ауаа шаҟа еиҿаижьуа, шаҟа еичирчо убасҟак ихәозар акәхап ишәҟәыҩҩраҿы!..
Аџьныш џьнышрак аныҟаиҵалак, аԥааимбар сииааит ҳәа
дгәырӷьоит.
Иҟоуп даҽа џьоукы, шәҟәыҩҩцәақәак, даҽа шәҟәыҩҩык
изыҳәан цәгьарак ҟарҵар, ихатәы шәҟәҩыра иацхраауеит ҳәа
зыԥхьаӡо.
Доусы дзакәыҵәҟьоу ааԥшыртә иааит аамҭа ҿыц. Ганкахьала, узеигәырӷьаша аамҭоуп – ахақәиҭра. Аха даҽа ганкахьала,
даара ишәарҭоуп. Аҽынкылара! Уаамҭеи уареи…
Хаҵа-нагак,–баасзыӡырҩи,–ҿааиҭит иԥҳәыс алеишәацәгьа
ихы налықәкны, – бзықәтәоу аҽы, баахьаҳәны ианахәҭоугьы
ианахәҭамгьы ҟамчыла баслар, ибызгәамҭаӡакәа, бҽы
быцәцоит. Бҟамчи бкәадыри бзаанхоит.
Ииун 22, 1995 ш.
Аредакциа аҟны схала стәаны, гәҭахәыцрақәак сыблакнот
ишанысҵоз, сҩызак дааҩналан, иаахжәаны лафшәа:
– Изуҭахузеи иуҩқәо? Иумбаӡои ауаа зҿу? Амал-амазара
арҳара, уаҳа акгьы иазхәыцӡом, – иҳәеит.
– Аӡәгьы дамыԥхьозаргьы, исымҩыр сгәы иауам, –
сҳәеит, – иумбои, ақьаади сареи ҳаицәажәоит. Убриала сгәы
сҟычуеит. Дарбанзаалак аӡәгьы ахшыҩ исырҵарц сашьҭаӡам,
сзыргәаҟуа акоуп. Схазы еилыскаарц сҭахуп изакә аамҭоу
ҳазхаанхаз.
– Аҩсҭаагьы издыруам, – иҳәеит сҩыза, – ааи, иумбои
иҟалаз, иаалырҟьаны Чечентәыла иақәлеит Урыстәыла. Аа,
шықәсык ҵит, аанкылашьа амам.
Ииун 23, 1995 ш.
Ашәҟәыҩҩы иахьа иҭагылазаашьа зеиԥшроуи асовет
мчы аан изеиԥшрази сышрызхәыцуаз, иаасгәалашәеит саб
идҳәалоу хҭыск.

Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа ашьҭахь акәын.
Уамак ҵуамызт саб доурышьҭны дхынҳәижьҭеи, аҩныҟагьы
ааира, иҭаацәа рылаԥхьара азин ирҭеижьҭеи. Арахә-ашәахә,
афатә-ажәтә уҳәа зегьрыла ҳкаԥсаны ҳаҟан, ицәдырҳәыз
атроцкист иҭаацәа иҳагмыз ҳәа иҟаз.
Ҽнак ҳаҩны днеит аколнхара ахантәаҩы.
Иҽы ахьаца амҵан инҿаҳәаны, ашәшьыраҿ ишынатәаз,
днахыкәша-аахыкәшо акәымкәа, иаахтны ус ҿааиҭит:
– Басариан, ус бзиак удызгаларц сааит. Шәнаҩс, Чачаа
рашҭаҿы сыҟан. Аҭыԥ сахәаԥшит. Зеиӷьаҟамоуп. Арахә аӡын
иахьцалаша абнақәа ааигәоуп. Аԥхын ашоура аныҟало аӡиас
ааигәоуп.
– Аҭыԥ баша алырхуазма Чачаа дуқәа, – иччашьала дааччан, лафҵас иҳәеит саб.
– Иҟоу уиоуп, Басариан, араиком иҳадиҵеит аҳәақәа раа­
ӡарҭа аферма еиҿаҳкаарц.
– Ианышәҵа, ирҳәаз ҟашәымҵар ауама…
– Убарҭ аҳәақәа уара унапы ианаҳҵарц ҳҭахуп.
– Унапы ианаҳҵарц шԥа?
– Аҳәақәа ҳзухьчалар…
– Аа, уиоума узааз… Ҵәыцак аанкыли, уи нас ҳалацәажәап,
– ахыжәлақәа нацҵаны, абысҭа зуаанӡа, шәааибаныҳәала
лҳәан, сан иаалгаз аҩы аҵәца инҭаиҭәан, ахантәаҩы инаииркит саб.
Аԥшәма ианижә, асас иаҵәца кны ус ҿааиҭит:
– Сара ушызбо удыруеит, Басариан. Анцәа иџьшьоуп, уеибганы ухынҳәит. Аколнхараҿгьы, ишубо, егьа аус уургьы, акгьы
шәаҳҭартә ҳаҟам. Зегьы ашәахтә иагоит, ма аблигациа. Аҳәа
бзиақәа аахәаны иааҳгоит, афатә рыгҳархом. Аҳәынҭқаррагьы
уахәап, уаргьы ухы уахәап. Уара иутәны ҳәанк нарылоуҵар,
иаахшо уҭилап, – даҿын ахантәаҩы.
– Ижә, ижә, уаҵәца ыжә, – уажәы игәаара иаҳа ихыԥсааны,
иҽынкыланы ҿааиҭит саб.
– Мамоу, саҵәца зжәаанӡа сыззааиз аус ӡбаны ҳалгароуп.
– Уи ӡбоуп. Уаҵәца аанкыл.
– Ушақәшаҳаҭхоз здыруан. Араҟоуп, уааигәароуп.
– Изакәызеи, уара, сзықәшаҳаҭхо?! Аҳәахьчароу? – деи­

лашәаны днеиҿаԥшит ҳасас. – Абарҭ убома? – сашьеи сареи
инапы наҳақәикит ҳаб, – иандухалак, џьара изцәырымҵуа,
рылахь ада ԥҵәаны, аҳәахьча иԥацәа ҳәа еибадырбо, ирхыччо… Уара ушызбо удыруеит, аха уи аҩыза саҭәоумшьар акәын,
– асас дыштәаз, саб дҩагылан, дындәылҵны дцеит.
Сазыхынҳәып абри сгәалазыршәаз. Амалқәа зегьы раҵкыс
еиҳау малуп аб ихшаз ирзынижьуа ахьӡ-аԥша. Абри ауаҩ
иԥацәа роуп ҳәа гәадурала, еигәырӷьаны раб иӡбахә анырҳәа,
уи еиҳау егьыҟам ахшара изыҳәан. Аби уи ихылҵыз ахшареи
реизыҟазаашьа еиԥшнушьалар ауеит ашәҟәи уи «иахшаз»
аҩымҭақәеи. Ахшара ианынаиҿаԥшлак, раб дшааргәалашәо
еиԥш, аԥхьаҩ инапаҿы аҩымҭа анааникылалак, изҩыз ауаҩы
ихаҿсахьа иаԥхьа иаацәырҵуеит.
Абаҩхатәра дуӡӡа аамышьҭахьгьы, Лев Толстои ииҭеит
даҽакгьы – ахьыԥшымра, ихьыԥшымызт игәы-иԥсы, дхьыԥшы­
мызт маллагьы.
Иааиз аамҭа ҿыци, ашәҟәыҩҩи, аҳәынҭқарреи реизыҟазаа­
шьа шԥаҟало?
Ашәҟәыҩҩра мацара акәым, цқьа иҳаздырӡом зегь реиҳа
ихадоу – аиааира дуӡӡа згаз ажәлари аҳәынҭқарреи реизы­
ҟазаашьа.
Исгәалашәеит В. И. Ленин ииҳәаз: «Мы Россию отравляем,
мы должны теперь Россией управлять».
Ииашоуп, аҳәынҭқарра аадырҳәит абольшевикцәа. Иззы­
қәԥоз аӷба иақәтәеит. Аԥсҟы уаҩҵас ирзымкит. Анархиа
иамҽханакит. Убри анархиа дахылҵит Ԥаҵақьала – апалач,
адиктатор.
Ииуль 6, 1995 ш.
Арҭ амшқәа рзы цәгьарақәак сзеилалеит. Ҩымш-хымш
иааҟәымҵӡакәа илеиуаз ақәа, зны ақәаршҩы иаҩызаха,
даҽазны аҳаԥшьа аҵа ԥҽызшәа, икыдыбгон.
Аӡиасқәа, арҩашқәа… Ирҳәоит жәаҩык ауаа аӡы ишьит
ҳәа. Ласссы-лассы сықәлагәышьон ҳаҩны ахыб, иахькылсқәоз
ақәыршәра саҿгәышьан.
Аҟәа убриаҟара аӡы хыҵит, ҳара ҳахьынхо аҟынтәи ҳгәыла

анышь дақәтәаны, ажәҩақәа ааҵшьуа аԥошьҭа аҟынӡа даа­
уеит.
Узызҵаалак ирҳәо акоуп: ашьрақәа, арҳәрақәа, ақәы­
ларақәа уҳәа, агәнаҳарақәа иҟаҳҵо рзыҳәан ҳазшаз дҳаз­
гәааит ҳәа.
Сыблала избеит, ауаҩы ихала иҽшизнымкыло. Иуроу
аҽы аӷәра аҿоумкыр, ихәжәаны иԥсуеит. Ауаҩы ма иӷәӷәоу
азакәан дааннакылароуп, мамзаргьы дааннакылароуп иламыс, иуаҩра. Ажәа «ԥхашьароуп» зынӡаск илаҟәит. Аибашьра,
ареволиуциа, агәаӷқәа рхышхыҵәара. Ахархь уаа иаарылоу
амҽеирақәа зегьы арҿыхоит. Шәҽаанышәкыл ҳәа разҳәаша
дҳамаӡам. Аҟәыӷацәа ажәа рымырхит. Даара ишәарҭоуп
Аԥсны еиқәзырхаз ҳарԥарцәа, иргаз аиааира ргәы ахшәар
ҳәа сшәоит.
Ашара сааҭк аҟара шагыз иҽишьит саҳәшьаԥа – шықәса
ҩажәижәаба ирҭагылаз, аибашьҩы, иҭаацәараз, ахаҵарԥыс
ҟәымшәышә. Иара идагьы, аҽшьрақәа иҵегьы иҟалақәахьеит
ҳиааира ашьҭахь. Изыхҟьақәо ҵарадыррала иҭҵааӡам.
Ииуль 11, 1995 ш.
Иаха сыҷкәын аиҵбы, исгәамԥхоз акы ҟаиҵақәан,
сахьнышьҭалаз ԥхыӡ дызбеит саб. Дгәааны дсыхәаԥшуан.
Ампыҵахалаҩцәа ирыблыз сымшынҵақәа рҟны ианын саб
идҳәалоу ԥхыӡк. Исхамышҭырц абраҟа ианысҵоит.
Саб дыԥсижьҭеи шықәсқәак ҵхьан. Ҳгәыла Гәыӡба Киути
иареи ҳаҭыр еиқәырҵон, анхара-анҵыраҿы еицхыраауан.
Еицәажәаны цәык-цәык рааӡон. Ацәаӷәара, амхы аҭалара,
амҿы аагара уҳәа, еивакны рхы иадырхәон. Ҳахьынхоз аанда ҳабжьан, ишырҳәо еиԥш, амца еимаадо ҳаигәылацәан.
Ԥшьҩык ахшара иман. Иԥҳәыс Раика лыхьӡын. Дшысабиз
лани лаби ԥсын, лиешьара Бигәаа драаӡеит. Ан лгәыбылра
ахьлыгыз аҟнытә, ҳара ҳан «нана» ҳәа лалҳәон.
Ҽнак, – Нана, – ҿаалҭит сан лхы налықәкны, – иаха Пыӷа
(ус иаҳҳәон), ҳаб, ԥхыӡ дызбон.
– Аԥхыӡ бзиа ббалааит, нан, даанӡа шәымнеиааит шәшын­
ҭаацәоу зегьы.

– Пыӷа, иԥсы сакәыхшоуп, иара, сасра данцо еиԥш, ибзианы иҽеилаҳәаны, арахь, шәара шәахь шәымхырҭа
дҭагылахуп. Ҳара ҳамхаҿы арашәара ҳаҿуп сыԥшәмеи сареи. Ишәымдыруеи, нана, сыԥшәма Патагәа ҳәа иеиҳәон.
«Патагәа! Патагәа!» ҳәа, – ҿиҭит, абыржәеиԥш исаҳауеит ибжьы. «Патагәа, арахь уааи, арахь, сара сахь!» ҳәа, – ҿиҭын, нас
арахәыц кәаркәашьк, аҵыхәа иара икны, ирууааӡа иршәит.
Ишааиуаз, сыԥшәма дамҵасны иааникылеит. Арахәыц,
иҟаԥшьӡа, аҵыхәа икуп Пыӷа.
– Иукума акәаркәашь?! – ҿиҭит Пыӷа.
– Искит! – иҳәеит сыԥшәма.
– Уажәшьҭа убри куа, икуа сара сышҟа уааи иҳәеит Пыӷа,
нана, ишәымдыруеи, иҳәатәы дахыԥомызт. Арахәыц икуа,
икуа мацара, аанда дынхыҵын, Пыӷа ишҟа длеин, еицны ицеит. Сара сахьгылаз саанхеит.
– Нан, бхәыҷқәа раби бареи шәеигымхааит. Ԥхыӡ иббаз
иара иаҵкыс нышәҵааит, – ажәа хаала лгәы лырӷәӷәеит.
Ҳгәыла данца ашьҭахь, – дара есқьынагьы амашәыр
рықәуп. Анцәа дрыцҳаишьааит асабицәа ирылатәоу Гәыӡба, –
лҳәеит аԥхыӡ аалцәымыӷхан.
Ашьҭахь исалҳәеит, ииашаҵәҟьаны, убарҭ ҳгәылацәа ама­
шәыр шрықәыз. Гәыӡба иашьеиҳаб Ирод ихьӡын. Аррантә
даныхынҳә, Тҟәарчал ашахтахь усура дцеит. Арацәа шыҵи­
хуаз, ахаҳә-рацәа ихы иаахан дашьит. Рабгьы машәырла
дҭахахьан. Ишыҟалаз абасоуп. Ҳқыҭа, Аҭара ашкол дыргылон. Ақьырмыт Аӡҩыбжьантәи уардынла ишааигоз, ауардын
хышәҭын, иӷрасит. Дахыԥсааит.
Ҳгәыла ԥҳәыс Раика илҳәаз аԥхыӡ ҟалаҵәҟьеит мчыбжьык
ааҵхьаны. Чарак аҟнытә, иқьаф ҟаҵаны дшаауаз аҵхабжьон,
рыҩны ааигәара абахә далыҩрны дҭахеит.
Ашәира аума, агәнаҳа аума, аныха уҳәа даусы иара
итәала идырып. Ианысҵаз иҟалаҵәҟьаз ауп. Аҵыхәтәан
узеигәырӷьаша, Гәыӡбеи Раикеи Киутаа рҵыхәтәа бзиахеит,
ирыхшаз, урҭ ирыхшаз Анцәа ишиҳәара иҟоуп.
Иудыруазеи убас лахьынҵак амазар Аԥсынгьы?!

Ииуль 11, 1995 ш.
Анцәа иҳәааит сҩашьауа, аха аҵыхәтәантәи аамҭазы иааҳаиаҳа агәра зго салагеит, процентла иугозар, ҳаиҳараҩык,
ҳамԥхашьаӡакәа иаартны иаҳҳәоит амц. Ас ҳҿынаҳхар,
ҳазҭахугьы ирҳәо иалагар ҟалоит – «рыӡбахә сумырҳан,
ирҳәо ҳәам, ируа уым».
Абри асааҭ азыҳәан ҳаиқәшәап ҳәа еибышәҳәар, реиҳа
ианеиҵаха, сааҭк еиҵамкәа дагханы днеиуеит. Ус бзиак
азыҳәан шәеицәажәар, узақәгәыӷӡом. Уижьоит. Амцҳәара ламысдароуп ҳәа аҳәара ҳаҟәыҵып. Ҳааҟәымҵӡакәа «аԥсуара»
ҳәа иаҳҳәо, иаҳа-иаҳа иҵакыдахоит ауаҩра анацым. Аибашьра ҟалаанӡа ицәгьа-ибзиа иҭышәынтәалан. Уи еиланарҩынтит
иҳалаҳаз аибашьра. Адоуҳатә гәамра шаҟа иуҵәахуа, иаҳагьы
игәамхоит.
Абарҭқәа зхысҳәаауа иаазгоит фактқәак.
Ҳаибашьра ашыкьымҭазы, Ленинград инхоз аԥсуаақәаки,
еиҳараӡак, Аԥснытәи ерманыки амедицинатә палаткақәа хԥа,
иаҭахқәаз зегьы нацҵаны иаарышьҭит. Ахԥагьы Шәачанӡа
иааит. Ленинградынтәи иаазгоз, Шәача издызкылоз, уинахыс
изгақәаз сашьҭалан исыԥшааит рыхьыӡқәа, рыжәлақәа. Изгаз
Аԥсныҟа иааигеит ҩба. Акыр миллион иаԥсаз амедицинатә
палатка-госпиталь руак ҭины аԥара иџьыба иҭеиҵеит. Даҽа
фактк. Идуцәам аӷбақәа аахәаны иааҳгоит ҳәа ҳақәыргәыӷны,
миллионла ҳԥара рыманы ицеит Урыстәылаҟа. Иаархәазшәа,
ирымырхызшәа, амцқәа еиқәырҽаҽаны ҳԥарақәа рџьыба
иҭарҵеит.
Аха иарбан иааиразаалакгьы, иазыҵәахӡом Аԥсадгьыл
ашәарҭа ианҭагылаз зыжәлар ирыҵаӷьычуаз, даҽакала иуҳәо­
зар, анацәа ргәаҵа иҭаԥсоз алабжышқәа џьоукы хьы-раӡынны
рџьыбақәа ирҭалон.
Ҳаиқәырхаҩцәа агәра ганы иҟан, ҳиааира ашьҭахь, анҭ
ахәымгақәа ирыхәҭоу иақәдыршәоит ҳәа. Ацәгьоура ахьыр­
хәра аҿҳәара амаӡам.
Хыхь зыӡбахә сҳәаз ауаа ирыхәҭоу аус рақәыршәара зегьрыла иаамҭоуп.
Агәра згоит убас егьыҟалоит ҳәа.

Ииуль 29, 1995 ш.
Арҭ амшқәа рзы, ҿык иҭыҵуа, даҽа ҿык иҭало, инеимдо
аҳәара иаҿуп лаф еиқәаҵәак.
Ахшыҩҵак заа исҳәап: алафгьы абжа иашоуп.
Зынӡаск ҳмеибарԥсырц азыҳәан, Аԥсни Қырҭтәылеи
иҳабжьагылоуп Урыстәыла ар. Аурысцәа, иҳәеит, ргәы
аныԥҵәа, рышьҭахьҟа иааскьазаап. Амҩа аадыртит.
– Ҳадгьыл ашҟа ҳнашәышьҭ, шәнаскьа, шәаҳԥырҵ шәым­
ҳәоз, шәааи, агәашәқәа ааҳартит! – рҳәазаап Аԥсны аҳәаа­
хьчаҩцәа.
Хаха-хымш иккаӡа иаартын, иҳәеит, Аԥсны аҳәаа. Иқәаҳцаз
рыхынҳәра ацымхәрас, иаанханы иҟаз ықәҵны ацара иаҿын,
иҳәеит.
Агәаҟрагьы амлакрагьы лафла ирхыргоит ажәлар.
Ари алаф еиқәаҵәа уаҩ ианаҳәо рацәоуп. Ишԥеилкаатәу
арҳәыҩцәа, аимҵәацәа рнапқәа зынӡаск иахьԥдыртлаз? Иосиф Сталин итеориа анагӡара амҩа ҳанылазар? Ауаҩы шаҟа
дӷархо, убасҟак аҳ ихәура дҭалоит, нцәахәыс дихәаԥшуа, иара
изыҳәан ашәаҳәара далагоит.
Абри далаԥшхьан Л. Н. Толстои. Убри азыҳәаноуп изиҳәаз:
«Нельзя жить и считать себя правым, когда каждый день ешь
хотя бы сухую корку, а есть люди, старики и дети которым нечего положить себе в рот».
Сҳәыркьиуа, снапқәа рымҵакуа ҳчынуаақәак рҿаԥхьа
сымгыларц, ҵыԥхгьы сынтәагьы Гәылрыԥшь араион Владимировка ақыҭа аҟны, сыԥшәмагьы сыҷкәынцәагьы амхы
лаҳҵеит. Ҵыԥх аџьықәреи, аҟәыд, апамидор, анаша ҳҭынхацәа
ҳрыцхраартә иааҳрыхит. Сынтәа иаҳагьы еиӷьны илаҳҵеит.
Сыԥсы ҭанаҵы, ачынуаа рҿы сҭаԥшуам.
Рџьыба сҭаԥшыр, рҿы сҭаԥалар акәхоит, рхәура сҭарцалоит,
аӷацәа сызрабашьуаз – ахатәы хақәиҭра – сцәыргоит ҳара
ҳтәқәа. Ирыздырӡом чынуаақәак аԥсуаа изакә милаҭу.
Атәымуаҩ ихәура иҭамлаз, дзыхшаз иани иаби рхәура дҭа­
лаӡом.
Џьоукы агәра рымгацт И. Сталин «дзыхшаз» исистема
шықәӡаахьоу.

Август 2, 1995 ш.
Аибашьраан Олег Шамбеи сареи еиҿаҳкааз аинтеллиген­
циа рхеидкылаҿы хықәкыс иҳаман хатәгәаԥхарала иҳац­
храарц иаақәази аҳәаанхыҵи рзыҳәан, цхыраарак аҳасаб­
ала, идуцәам ашәҟәқәа ҭыжьны, хәыда-ԥсада рыҭара. Теле­
хәаԥшрала ақәгыларақәа, арадио ала ацәажәара, астатиақәа
рыҩра аиҿкаара.
Уажәы, ҳиааира ду ашьҭахь хықәкы хадас иҳамоу – иааҳал­
шо ала ҳԥыза ду ицхыраара ауп.
Ҳабаихәо?
Зыда ԥсыхәа змам ҳәа ҳгәы иаанаго иҵаҳәара. Ма иара
ихаҭа иацәажәарала, мамзаргьы аус ицызуа, реиҳа зыгәра иго
рыла.
Август 3, 1995 ш.
Сыцәазу, сааԥшызу сзымдыруа, снаҳәы-ааҳәуа аиарҭа сылаиан. Цәажәабжьызу, инахараны иааҩу, ҿыҭбжьызу сзымдыруа бжьык сгәы иқәыҩуан.
Аарла сылацәа анаахыст, аԥарда саанахан, аԥенџьыр
сналыԥшит ишахьоумашь ҳәа.
Илашьцамызт, цқьагьы имшацызт. Сааҳәны сывара
снықәиеит даҽа маҷк сыцәарц, аха убри аамҭазы иааи­лыс­
каартә сгәы иқәыҩуа иалагеит абжьы. Инахараны, абар, ибжьы ныҵакны ашәа иҳәоит саб. Иарбан ашәоу, иарбан мелодиоу цқьа исзеилкаауам, исаҳауа иара ибжьоуп. Убри абжьы убасҟак сарҭаслымит, соуразоуроу сымчыдахеит, зны
сқәыԥшхеит, нас зынӡаск схәыҷхеит.
Аа, абар, схәыҷны ашкол сҭоуп. Макьана имшаӡацт, аха издыруеит ашара уажәшьҭа ишааигәахо, ашкол ахь ишцатәу.
Иӡынрахуп. Ианӡынраз, ахьҭа аныҟаз акәын ҳаб ашьыжь
шаанӡа дгыланы, ашкол ахь амҩа ҳақәлаанӡа, амаҵурҭаҿы
амца анеиқәиҵоз.
Усҟан иҳазгылан маҟҿаҳәара ишьҭыхны ахьатә кәаскьасасааирҭа. Адәахьала ҳаб, – Шәҿыхала, дадраа, уажәшьҭа
шәҿыхала! Ҳәа, – аҭӡамц днас-насуан.
Иажәақәагьы ииҳәоз ашәа иалаҵаны акәын ишиҳәоз.

Иаҳдыруан амаҵурҭаҿы амца шеиқәиҵахьоу, иаҳфаша
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 33
  • Büleklär
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3297
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2168
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3320
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2205
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3316
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2137
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3287
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2274
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3310
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2217
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3312
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2192
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3344
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2253
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3343
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2243
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3376
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2272
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3361
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2270
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3391
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2253
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3305
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2240
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3306
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2239
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3344
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2122
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3341
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2196
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3317
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2193
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3387
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2182
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3341
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2238
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 19
    Süzlärneñ gomumi sanı 3344
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2149
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 20
    Süzlärneñ gomumi sanı 3317
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2281
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 21
    Süzlärneñ gomumi sanı 3324
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2241
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 22
    Süzlärneñ gomumi sanı 3363
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2230
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 23
    Süzlärneñ gomumi sanı 3382
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2125
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 24
    Süzlärneñ gomumi sanı 3392
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2127
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 25
    Süzlärneñ gomumi sanı 3405
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2240
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 26
    Süzlärneñ gomumi sanı 3292
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2235
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 27
    Süzlärneñ gomumi sanı 3317
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2213
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 28
    Süzlärneñ gomumi sanı 3332
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2237
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 29
    Süzlärneñ gomumi sanı 3332
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2251
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 30
    Süzlärneñ gomumi sanı 3299
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2291
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 31
    Süzlärneñ gomumi sanı 3267
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2345
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 32
    Süzlärneñ gomumi sanı 3318
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2355
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 33
    Süzlärneñ gomumi sanı 3308
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2234
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 34
    Süzlärneñ gomumi sanı 3318
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2304
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 35
    Süzlärneñ gomumi sanı 3386
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2303
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 36
    Süzlärneñ gomumi sanı 3299
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2329
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 37
    Süzlärneñ gomumi sanı 3306
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2320
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 38
    Süzlärneñ gomumi sanı 3363
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2108
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 39
    Süzlärneñ gomumi sanı 3361
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2193
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 40
    Süzlärneñ gomumi sanı 3410
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2206
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 41
    Süzlärneñ gomumi sanı 3336
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2182
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 42
    Süzlärneñ gomumi sanı 3265
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2139
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 43
    Süzlärneñ gomumi sanı 3370
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2247
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 44
    Süzlärneñ gomumi sanı 3336
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2147
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 45
    Süzlärneñ gomumi sanı 2585
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1744