Latin

Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 27

Süzlärneñ gomumi sanı 3317
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2213
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
ихәны ишьҭаз аибашьҩы Зураб Џьамфер-иԥа Аҳәба.
Егьиашаҵәҟьаны, Аҭаратәи Акәаҵниеи иареи ршьапы ишаақәгылаз еиҭах аибашьра ицеит. Уи афакт хәыҷы
исгәалазыршәаз, даҽазнык агәра згеит, шаҟа амч амоу
акьыԥхь. Баша имҳәеит, Гитлер, Москва анаҳгалак, Ашҭа ҟаԥшь
аҟны Сталин иаԥхьагьы дыкнасҳауеит Еренбург ҳәа. Идыруан шаҟа иӷәӷәоу ажәа. Ақырҭуа фашизми, аԥсуа патриотизми
ажәала аибашьра иаҿын жәашықәсала. Абџьар анҭҟьа, ажәа
иаҳагьы аҽарӷәӷәеит. Иаалырҟьаны ақәыџьма анаԥылалак,
ала аҿы акуеит. Убас рыхьит патриотцәас иаҳаԥхьаӡоз
аԥсуа ҵарауаақәаки, шәҟәыҩҩцәақәаки. Рҿы ахьакыз мацароума, ргәы цан, зынӡаск рҽырҵәахит. Иранаҳажьып
ашәыргәындақәа. Иугәаларшәа Пушкин ду иажәақәа: «И милость к падшим призывал». Урҭ ашәыргәындақәа наҟ урҟәаҵ.
Узызхәыцша даҽакуп.
Ииашаҵәҟьаны агыгшәыгқәа-нацистцәа џьоукы нырҵәаны,
еиҳараҩык ықәаҳцама?
Даара иуадаҩуп агәрагара.
Цәгьамзар бзиа уаҩ дахыччом ҳәа, исгәалашәеит иацы Гал,
Егры ацҳа азааигәара ҳаибашьҩык исеиҳәаз.
Зхы ҭырымҟьацыз, Гәылрыԥшьтәи агыруа нхаҩык даа­
ҟ́әымҵӡакәа иреиҳәозаарын ижәлар: «Шәаҟәыҵ! Шәаҟәыҵ!
Шәааҟәымҵӡакәа аҳәҳәара шәаҿуп «чвени миҵа, чвени
миҵа» ҳәа. Шәааҟәымҵӡар, аԥсуаа ишәгәаладыршәоит ҳахьы­
нтәааз, аԥсуаа рыдгьыл аҟны ҳшынхо.
Иреиҳәеит, иреиҳәеит, аха аӡы иаго, ҳәҳәабжьы иаҳауам
ҳәа, изаҳауадаз. Ишыҳәҳәац иҳәҳәон «чвени миҵа! чвени
миҵа!» ҳәа. Ргәы ҭҟьаны, еижәыланы, Егры ацҳа ианықәс,
ижәлар даарылаԥшын: «Абзамыҟәқәа! Шәааҟәымҵӡакәа
шәмы­ҳәҳәози «чвени миҵа! чвени миҵа!» ҳәа. Аԥсуаа иаҳ­
дырбеит ҳаԥсадгьыл ахьыҟоу! – даарылаҳәҳәан, ҩнапык
рыла адгьыл днас-насын, абар иахьыҟоу «чвени миҵа! шәхы
ианышәҟьааит, чвени миҵа!» – иҳәазаап.
Исазҳәаз ҳаибашьҩы иажәа даналга инацысҵеит иуха­
мышҭыша хшыҩҵакык:

– Аӷала ихҵәаз деиҭанхоит, ҭынхала ихҵәаз – дыхҵәаӡеит.
Изхысҳәаауа, сара сынхара-сынҵыра инықәыццышәаа иргеит ҳаӷацәа, аха сара сеиҭанхоит. Дара абаҟоу?
Гитлер ихаантәи анемеццәа ирыхьыз ачымазара зҩаҿкы–фашизм, ирхәышәтәит СССР ажәларқәа ршьала. Исгәалазыршәаз,
Е. А. Шеварднаӡе СССР адәныҟатәи аусқәа рминистрс даныҟаз,
М. С. Горбачев иарӷьажәҩас данивагылаз, аԥсуаа гәыԥҩык, унеишь-уааишь ҳәа зарҳәоз, иацәажәарц инеит иԥсы ахьишьоз
Пицунда. Иарҳәеит иаахтны ақырҭқәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьа
иаҳа-иаҳа ишеицәахо, иахьакәым ҳашнанаго, ақырҭуа фашизм аанкыламзар, Қырҭтәыла ахаҭа атыша иҭарыжьуеит ҳәа.
Иара ииҳәазеи? «Сыжәлар чмазаҩуп». Иҟалап убасҟан ихы
иҭашәазар, ижәлар ихәшәтәырц аԥсуаа ҳшьала, аха усҟан иара
ихаҭа ишьа-ида иалалахьан азҩаҿкы ачымазара – фашизм.
Ачарҳәаҩ, анкьа зны ҳаҭыр зқәысҵоз, Аҟәа анаҳгоз дыбналаны Қарҭҟа ицаз, Лорик Маршьаниа, ҭынхацәас иҟауҵаз
ақырҭқәа ииашаҵәҟьаны бзиа иубозар, иаахтны ираҳәа: даара шәрацәаҩны, еиҳарак аинтеллигенциа шәычмазаҩуп,
шәчымазара шәхәышәтәаанӡа Қырҭтәыла иаҳа-иаҳа атыша
иҭаҳауеит. Шәчымазара, азҩаҿкы – афашизм иахҟьаны, реиҳа
бзиа шәызбоз аԥсуаа аӷацәас иҟашәҵеит, иншәырҵәарц
шәрықәлеит, шәрабашьит. Шәаҵахеит. Иаҵахаз ақырҭуа жәлар
ракәӡам. Иаҵахеит ақырҭуа фашизм. Шәҽышәхәышәтәыр,
шәчымазара мап ацәышәкыр, уаҵәы иҟашәҵаз аӷацәа шәара
шәахь рҿы дырхоит. Аха, Лорик, иреиҳәаӡом, избанзар, дара
рчымазара иаргьы идырхьит.
Ишырҳәо еиԥш, акәтаӷь былгьартә, аҩнымаҭәа аганахьала,
иккаӡа иҭацәуп Аҟәатәи суада. Сзеиԥшузеи? Ала-ҟьала! Адашьма сықәианы сыцәан. Иабаҟоушь уажәы сыҷкәынцәа Беслани
Дауҭи? Галынтәи Гәдоуҭаҟа ран лахь ицоу… Схахьы исзаагом,
агәра згарц сҭахым, изласарҳәаз ала, ҳаибашьыҩцәа ԥыҭҩык
Егры ацҳа иқәсны Жәыргьыҭҟа ицеит ҳәа. Сыҷкәынцәа урҭ ирылазар? Исаҳаз иашаҵәҟьоумашь, Мрагыларатәи афронт акомандир Мираб Кьышьмариа Гыртәылаҟа дцеит Гамсахәырдиа
диацәажәарц. Иеиҳәозеи? Гыртәыла хазы ҳәынҭқарраны
иҟашәҵа, ҳара аԥсуаа ҳшәыцхраауеит, Қырҭтәылеи шәареи
шәҳәаа, ҳара иаҳкуеит ҳәа, – иеиҳәазаап.

Сыҷкәынцәа сышрызхәыцуаз, иаасгәалашеит, санҭакыз,
шәҟәыҩҩы еиӷрабаак ауҳәан-сҳәан гәараиҵон иҷкәын
дыши­шьҭаз дыркит, дҭаркит, дара рахь диасит ҳәа, саныхынҳә,
адҵа иҭаны даарышьҭит ҳәа. Аламысда, сызшаз сшьа иуеит,
ԥсышьацәгьа уоуааит, иузеилкаауам, зыхшара бзиа изымбо,
бзиа ибаӡом иԥсадгьылгьы. Сыҷкәынцәеи сареи иҳалшо ала
Аԥсны ҳахьчоит, уара иухьчоит умгәа, аԥсыцәгьа, зымгәада
хәыцырҭа змам аҵыхәабаба, ахцәы-баба.
Аԥенџьыр садгыланы, Аҟәа салаԥшуеит. Аԥшатлакә антәа­
лак еиԥш, аҳауа ҭынчуп. Амш каххаа еилгоуп. Ҳаҩны аԥхьа
игылоу, еихагыла рацәала иргылоу аҩны ашҭаҿы, аидара
машьынақәа адыргыланы, аҩнымаҭәақәа ақәҵара иаҿуп.
Сҩыза ду, Ленинград инхо Рауф Аиба хар амамкәа исиҭаз
аԥарақәа Лыхны исҵәахит, шәхы иашәырхәа ҳәа раҳәаны
сҭаацәа; сыҷкәынцәа шаахынҳәлак, убарҭ аԥарақәа, аа,
абанҭ, аҩнымаҭәақәа амашьына иақәызҵо ирысҭар, ҳазхара
аҩнымаҭәа сзааргоит. Схы иҭашәаз ахшыҩҵак, сыбжьы
ҭыганы, аӡәы иасҳәазшәа, сааҟаԥшьхан, саанаԥшы-ааԥшит,
сзызхәыцыз гәнаҳароуп. Иахьа хәымшуп Аҟәа арҳәра,
аимҵәара иаҿуижьҭеи.
Аԥсуаа ҳхәышҭаара, ҳаҳҭнықалақь убас ҳазныҟәоит, Аҟәа
акәым, Қарҭ ҳгазшәа. Дасу ииҭаху ҟаиҵоит. Дарбанзаалак
чынуаҩык ҿиҭӡом. Амарадиорцәа-аԥсацәа ишәҭаху ҟашәҵа
ҳәа иоурышьҭит. Ҩныда-гәарада иаанхаз, иаарымазгьы аибашьра ма иалаблыз, ма ақырҭқәа идырҳәыз, аӷацәа руадақәа
рыҩнқәа аанкылара, рыҩнымаҭәа иахьырго, ииашагәышьоуп.
Сара сыҩны ублыр, уара уҩны умысхуеит.
Уи еилкаауп. Аха аҳәынҭқарратә мал аимҵәара, уи иаанагоит аҳәынҭқарра аԥашәқәа ахыҵәҵәара.
Иаҳзеиԥшыз аӷа ҳаидикылеит. Ҳанааидгыла, аиааира
дуӡӡа ҳгеит. Убасҵәҟьа ҳаидгыланы ҳнеилар, иаҳцәыӡхьоу
аха­тәы, ихьыԥшым аҳәынҭқарра ҳауеит.
Аибашьра ианалага, аҽныҵәҟьа, ашьыбжьышьҭахь, теле­
хәаԥшрала дықәгылеит В. Г. Арӡынба. Уи иқәгыларала аԥсуа
жәлар агәра ргеит аԥыза дышроуз, Аԥсны дауит еиқәзырхо
аҵеи, аб. Узыхшаз уан лхаҵкы ҳцааит, рҳәеит Аԥсны зҭахыз
зегьы. Иара ишьҭахь, аҽны, август 14, 1992 шықәса рзы

телехәаԥшрала
дықәгылеит
«Аидгылара»
анапхгаҩы
С. М. Шамба. Агәра ганы сыҟоуп иара убасҵәҟьа, аиааира ду
амш аҽны, иахьа иамуӡаргьы уаҵәы, уаҵәашьҭахь, иажәа иҳәап
ҳәа В. Г. Арӡынба. Ииҳәарызеи ҳәа иҿы иҭаԥшуеит ажәлар.
Аԥсуа жәлар дроуит амилаҭ рфырхаҵа. Аӷа иҿагыларала ахьӡаԥша игеит, игеит убасеиԥш хьӡы-ԥшак, аԥсуа жәлар ыҟанаҵ
ирхамышҭуа. Уажәшьҭа иаԥхьа ишьҭоуп даҽа ԥышәара дук –
иоуз ахьӡ-аԥша аиқәырхара.
Жәытәнатә аахыс, иарбан еибашьразаалак арҳәреи
афыр­хаҵареи еицуп. Александр Македониатәи абриаҟара
аиааи­рақәа злеигоз? Арҳәрала. Ихаҭагьы ир дрылагыланы
идырҳәуан атәым тәылақәа, атәым жәларқәа.
Аӡҭаҽҽа иааиқәымтәо «ашшы» ахго ашьҭыбжь шго еиԥш,
убасҵәҟьа иааиқәымтәо «аууы» ахгоит, игәрымуеит амшын.
Уи мацароума? Зеилкаара уадаҩу хҭысқәак мҩаԥысуеит
Аԥсны аԥсабара аҵыхәтәантәи ҩышықәса раахыс. Аибашьра иацааиуаз ашықәс аан, уаҩы иџьеишьартә, аарыхра ду
ҟалеит ақыҭақәа рҿы. Аарыхра иашықәсын. Ацақәа ирзымкуа, агарҭа рмоуа иҿалеит аџьықәреи, убасҵәҟьа иԥжәаны
иҿалеит аҟәыд, ажь, ашәыр. Урҭқәа мацароума? Аибашьра
алагамҭаз ҳаҩны, сашьеиҵбы иҭаацәеи иареи, ҳани ахьыҟоу
снеит избарц, «шәырахә-шәышәахә шәышԥаҟоу?» – ҳәа
саниазҵаа, ацха афара згәы ахшәаз ицәажәашьа иҭаны, ус
ҿааиҭит: «Абгақәа ирфааит, сзықәшәазеи, уара, сыџьмақәа
рызегьы аӡарақәа ҩба-ҩба рыхшеит. Есымчыбжьа шәаала,
аӡарақәа шәзысшьлоит». Изеиԥшрааз иаҳхысыз аӡын? Асы,
аҵаа!
Сара схаан убасҵәҟьа знык ахьҭа бааԥс ҟалахьеит 19491950 аӡын ашықәс аан. Ҳмаҵурҭа ааҵра уҵагылар, ухы
иқәсуан икнаҳаз ашьашьалқәа. Ауаҩы наӡааӡа, ишьамхы инахысуа, ибахҵәаӡа, иласкәантраӡа ишьҭан асы.
Иџьоушьаша, абри аҩыза аӡын цәгьа шыҟазгьы, ашкол аус
ауан. Ашьжьымҭан, сани саби ишырымуаз, ашкол ахь сцеит.
Ианызмуӡа: «Уаха ԥхьара Таииа-иԥҳа Ниусиа улыцны дара
рахь уца», – иҳәеит саб. Таииа Кәыҵниеи иареи еишьцәас
иҟаибаҵахьан. Убас егьыҟасҵеит. Ниусиеи сареи дара рахь
ҳаиццеит. Ауха убасҟак асы ауит, ҳара ахәыҷқәа ашкол ахь

ҳармышьҭит. Асы ақәыхга… уажәы џьаракыр асы ақәыхга
ыҟоушь? Убри аӡынгьы ажәлар рзыҳәан ԥышәаган.
Саб ибзиаӡаны игәалашәон асду анауз. Излеиҳәоз ала,
агәабзиара ацзаарын. Рыцҳарак еиԥш акәымкәа, ныҳәак
еиԥш, иаԥылеит, ирхыргеит асду. Аԥсрақәа, ачымазарақәа даара имаҷзаарын.
Ауаҩы ашәарҭа бааԥс данҭагылалак, имч-илшара, игәамч,
уимоу, ахәыцрагьы ҩынтә-хынтә еиҳахоит, иацлоит.
Иуҭахума аҿырԥштәы?
Ақырҭуа нацистцәа сытҟәаны санырга, аҟарс санҭакыз,
шәыпату схы иқәуп, знызаҵәыкгьы сымгәагьы смыхьит, сыхгьы.
Исҿарҵоз закәыз? Часа кәымпылки, ҵәыцак аӡы хьшәашәа.
Абри акәын исфоз мызкы аҟара. Сымгәа иаднакылеит аилаџь
сан исылҭазшәа. Аҟарс аҭӡамц иахьыкәкәон аӡы, иацломызт,
иагхомызт. Ацәарҭаӷәы ҳақәтәан. Адәахьгьы еиҟәжәаны
иҵаауан, зны илеиуан асы лас, даҽазны – ақәабаа-сабаа.
Акыршықәса раахыс, иҭыԥсаауа сшьапқәа абаҩқәа сыхьуеит.
Абри «акурорт» аҟны сахьынӡаҭакыз, зныкгьы исгәаламшәеит.
Саныхынҳә, абарҭқәа схәыҷқәа ран ианласҳәа: «Уара,
иузеиӷьзар, уахь еиҭа уҳашьҭып», – лҳәеит лафны.
Хыхь ишысҳәаз еиԥш, ауаҩы ашәарҭа бааԥс данҭагылалак,
имч илшара ҩынтә-хынтә иацлоит.
Иуҭахума даҽа ҿырԥштәык, схаҭа сзықәшәахьоу? Сышшәаз,
ари деилагоуп, схы ԥиҽуеит аҳәартә аҟынӡа ишназгаз амшә
ахаҭа?!
Исхыҵуан жәиԥшь шықәса. Аԥхын аԥсшьаразы ашкол
аҟны, мызкы шагыз заа ҳаурыжьит ачаи мыжда ҿаҳхларц,
аҟанҷ ҳааӡаларц, аҭаҭын еиҭаҳҳаларц, амра ангылалак инаркны инҭашәаанӡа аусура, аусура… Ҳааҟәымҵӡакәа аусура,
аҳәынҭқарра атәитәыхқәа… Ақыҭауаа еицаҳзеиԥшыз усын,
аха «ажәлар раӷа» ҷыдала ҳаҭыр «ҳақәнаҵон» џьаҳаным ицаша аколнхара.
– Ҳхәыҷы зынӡа ибӷа ԥырҵәоит, ашәҟәы аԥхьара акәым
изышьҭымхуа аҟынӡа днаргоит, џьара дҳашьырҭоуп, – лҳәеит
сан. Усҟан ажәеинраалақәа, астатиақәа рыҩра салагахьан.
Убри аҟнытә акәхарын, сашьцәа, саҳәшьцәа раҵкыс, иаҳа
напы сыдыркылон.

Акраамҭа иалацәажәон сахьыршьҭыша, ианамуӡах, мызкы аҟара. Ауацәа, аҭынхацәа рахь срышьҭыр, азин рызҭодаз,
иаразнак ирҳәон «дезертир» ҳәа. Ҳбаандаҩын. Ирыӡбеит
аколнхара аԥсаса срыцны ашьхаҟа срышьҭырц. Ахьча дҳауан,
Дапуан.
Абас сҟалеит џьмахьчаҩыс. Сгәырӷьаҵәа срыцны ашьхаҟа
сцеит. Ҳқыҭа, Аҭарантәи, Аӡҩыбжьа, Дранда, Мархьаул, Дал,
Ҵабал… Ашьха ҳхалаанӡа, ҩаха-ҩымш ҳаԥхьаны, ахымш
рыҽны ҳаҩхалеит, ашьха Чҳалҭа.
Ҳаазгаз анца, ҳаанхеит ҩыџьа – Шьаликәа Дапуа, ауаҩ
бырги, сареи. Иара аибашьра ихигахьан, ичҳара даара
имаҷын. Аӡыс аума, ашьтәа аума, игәамԥхаз акы ҟарҵар,
алаба рыхха дрысуан. Ҿык змаз ашәақь есқьынгьы ижәҩа
ихшьын. Ҽнак ашьжьымҭан, изыхҟьаз сыздыруам, ҳҭыԥ
ҳаԥсахроуп, ҳцароуп хыхь даҽа шьхак, Шьоудыд ашҟа иҳәан,
иааҳамаз аҽы инақәаҳҵан, аԥсаса, иара аԥхьа дгыланы, сара
– рышьҭахь, иҳаԥца ҳдәықәлеит. Ашьыбжьышьҭахь ҳаҩхалеит.
Цас ауазшәа, икыдыбганы ақәоура иалагеит. Иҟалаз, иҳахьыз,
шықәсқәак ҵхьаны, изҩит инеиҵыхны ажәабжь «Аибашьра еилгахьан» ҳәа ахьӡҵаны. Аԥсынгьы иҭрыжьит, еиҭаганы
тираж рацәала иҭрыжьит Москва. Еиҭасҳәом, уаҟа иҳәоу
иҟалаҵәҟьазоуп.
Ажәакала, аԥсра иацәшәаз, абзацәа ахьыржуаз днанагеит ҳәа, аусура ибӷа ԥнаҵәоит ҳәа срыцҳашьаны, сызшьуаз сицҵаны ашьха срышьҭызаап, иабардыруаз сани саби.
Изыхҟьақәаз зегьы аҳәара изаҭахузеи, анемец фашист иаԥхьа
дгылазшәа, деилагеит, деилагаӡеит, ашәақь ааихиԥаан, инхаршалан, аа, абар, абар даҵхоит, сышьны скаижьуеит. Убас
сыҩит, анышә сыҵалазшәа. Сыбналеит. Сдәықәлеит аҩныҟа.
Уи сзымхазшәа, амҩан сахьаауаз, амшәи сареи ҳаиҿаҳаит.
Ҳаиҿаҳаит амҩахәасҭаҿы. Ҵаҟа – абгарра, хыхь – анаара. Ацыӷ еиԥш хыхь, сшьапқәа ирыҵыҟьҟьоз ахаҳә ссақәа,
сышьҭахь иааиуаз амшә иаахо иалагеит. Ибыбын, шьҭахьҟьа
идәықәлеит, илбаауа, илбаауа, аԥсҭа илҭабганы ицеит.
Сеиқәханы, сеибганы аҩны санааи, сшьара санықәла, исыхьыз
анрасҳәалак, сажәабжь хсыркәшон «амшә шсыршәаз» ҳәа
сыҽхәо. Уажәы саназхәыцуа, схы сазҵаауеит, убасҟан, амшәи

сареи ҳанеиҿаҳа, дарбану иаҳа ишәаз, амшә акәу, сара сакәу?
Ацыӷ еиԥш, анаара икыдлада? Сара. Реиҳа иҳәҳәодаз? Сара,
абас схы сазҵаауа, еилыскааит акы: иаҳа ишәаз, иара иаҵкыс
иӷәӷәоу дииааиуазаап.
Ажәақәак ақьаад инанысҵан, суада ашә усгьы иакӡомызт,
аӷьыч дыҩналаргьы ииго ҳәа акгьы ҩнам, ус иныдысҵан, амшын ахықәахь сцан, саалеиҩеин, еиҭа цәаҳәақәак нанысҵарц
салагеит. Сзыхынҳәыз – издыруада галынтәи ихынҳәны иаауазар сыҷкәынцәа? Издыруада Шәантәылаҟа идәықәлазар?
Ииашаны ианысҵеит «иааиқәымтәо ашшы» ахгоит ҳәа
амшын. Ухыԥшылар, зызхара зфаз агыгшәыг еиԥшха, еиқәы­
шьшьы иҭатәоуп. Арахь «адуы» ҳәа абжьы ҭыҩуеит, ҭыҩрак
иҭаҳаны игәынқьуашәа. Исгәалашәеит, шәыпату схы иқәуп,
аибашьра ашыкьымҭазы, уахык, аҵхыбжьон, быжьқәак
саадырԥшит. Аҵх сналаӡырҩит. Иҟалазеи? Сыҷкәынцәа ран,
ахыза лхы иақәҵаны, дгәынқьуа аҵәыуара даҿын.
– Ибыхьзеи, бара, акыр быхьуама?
– Ҳаҷкәынцәа… Ҳаҷкәынцәа… иабаҟоу?
– Иабаҟоу бымбои, ахацәақәа ахьыҟоу иҟоуп.
– Убас игәрымуазар амшын?
Сахьгәаҟуаз, иахьагьы имҩаԥысуа ахҭыс ҿаасҭақәа
исмаҳарц, исымбарц «сҽысҵәахырц», хыхь ишысҳәаз еиԥш,
еиҭах азхәыцра салагеит иахьатәи амш – ахәаша.
Ашәҟәы ԥшьа, Абиблиа излаҳәо ала, зыԥсы ҭоу зегьы Анцәа
ишеит ахәашаҽны: «Нас Анцәа иҳәеит: аӡы иахылҵааит аӡы
ԥстәқәа, зыԥсы ҭоу аԥсы: адгьыл ахыхь, аҵарақәа ԥыруа
иҟалааит, ажәҩан хыӷәӷәара иалаланы. (Убас иагьыҟалеит).
Убри ашьҭахь Анцәа илԥхала аӡаҿы иҿиеит шәагаала
еиуеиԥшым аӡы ԥстәқәа, ажәҩан аҿы ицәырҵит ахәы зқәу
еиуеиԥшым аԥсаатәқәа. Анцәа ибеит уи шыбзиаз.
Нас Анцәа урҭ илԥха риҭеит, абас нарышьҭаҳәаны: ишәызҳа,
шәыҿиа, амшын ҭшәырҭәаала, адгьыл аҿы аԥсаатәқәа рацәаны
иҟалааит. Иҟан ахәылԥаз, иҟан ашьыжь: ахәбатәи амш».
Агәра згарц сҭахым, ииашаҵәҟьаны аибашьра – аибарԥсра,
анибарҵәара, ақәибахра, ахибарҵәара ҳшалгаз. Агәра сызгом, сгәабзиара зыхҭнысҵаз, сшьа зызкасҭәаз, гәаҟрыла ишоу,
аԥсуа жәлар шеиқәхаз, уи мацароума, саргьы сеиқәханы…

Зныкымкәа аԥсцәаҳа ибла сҭаԥшны… Схы сазҵаауеит:
сеиқәзырхазеи? Издыруада, хыхь исгәаласыршәаз, зыԥсы ҭоу
зегьы Анцәа ишеит ахәашаҽны ҳәа… Ҳазшаз ииҳәаз, иҟаиҵаз,
аибашьра иалагаанӡагьы, аибашьра аангьы, иахьагьы,
сыԥсы ҭанаҵы, исҳәахьеит, есқьынагьы исҳәоит – аибашьра
саҿагылаҩуп. Ақырҭқәагьы, ҳарҭ аԥсуаагьы, ҳазегьы ҳзыҳәан,
аибашьра рыцҳара дуӡӡоуп, ииааиз изыҳәангьы, иаҵахаз
изыҳәангьы. Нацизми аԥсреи синонимуп. Нацизм иадгылаз –
аԥсра дадгылеит. Уи аибашьра зырҵысыз, Ҳазшаз диҿагылеит.
Сызҿыз, сыззықәԥоз гәаҭаны, срыцҳашьаны сеиқәирхазар?
Ишысҳәаз еиԥш, изныкымкәа аԥсцәаҳа илакыҵа сыҵа­
ԥшхьеит. Анарцә ашәхымс аҟны саннеилак, изызӡарызеи,
исҳәон сгәанала: «Мышкы заҵәык иадамхаргьы, сахаанхандаз ҳаӷацәа риааира».
Ҳажәлар рыгәҭыха, рхықәкы хада нарыгӡеит шьакаҭәарала.
Иугәаланаршәоит ажәаԥҟак: «Ақьиа ишьа Анцәа иуеит».
Дҳацхрааит. Ҳаиқәирхеит. Уажәшьҭа? Ҳаԥхьаҟа?
Анацаситцәа иаҳшьуаз ҳшьит, иаанхаз ықәаҳцеит, аха…
Абрыскьыл аҭырасқәа рԥашәқәа ыҵихуан. Анацаситцәа
рԥашәқәа макьана иӷәӷәоуп Аԥсны.
Улахь иану уақәшәоит ҳәа, здыруада убасҵәҟьа алахьынҵа
рымазар ажәларгьы?
Октиабр 2, 1993 ш.,
асабша, Аҟәа
Аҭаацәа ааилатәо иааилашәшәхьеит. Ауадаҿы схала сы­
ҟоуп. Акәтаӷь былгьо, узықәтәо, узықәио уҳәа, аԥшатлакә
ааҩнагьежьшәа, изакәызаалак ҩнымаҭәак ҩнагылам. Иааҩна­
гылаз зегьы, аҽнышьыбжьон иаадәылганы иргеит афашистцәа.
Сыԥшәма Лыхны дыҟоуп. Даара сшәаны сыҟоуп сыҷ­
кәынцәа Шәантәылаҟа, ма Ажараҟа ажәыларахь ицар ҳәа.
Полевои командир Оҭар Барганџьиа изласеиҳәаз ала,
Егры аҟынтә ашәанцәа рықәцаразы ицоит. Ирасҳәахьеит
сыҷ­кәынцәа, шәара шәаангыл ҳәа. Иуҳәо заҳауада! Абыс,
нцәахәыс дрымоуп ҳԥыза ду. Иара ииҳәо иаҳа ираҳауеит,
сара исҳәо аҵкыс.

Алахьынҵа, еиҭах алахьынҵа!
Иахьа, асааҭ жәаҩа рзеиԥш, аҭел дысзасын, снеит Аҟәа
ақалақь аиҳабы Нодар Ҳашба иҟны. Ҳаҭыр еиқәаҳҵоижьҭеи
акыр шықәса ҵуеит. Аибашьраан ибзиаӡаны иҽааирԥшит.
Чынуаақәак, анахьгьы арахьгьы ҳәа «ихәмаруан». Нодар иаахтны, уимоу, иаахжәаны ҳаӷацәа дырҿагылан.
Аибашьраан аҵкыс еиҵамкәа, аидара ду даҵалоит ҳԥыза
ду. Иусқәа иаҳа-иаҳа иуадаҩхоит. Аибашьраан, мши-ҵхи
реиԥш реиҩдыраара мариан дарбану аҭынха, дарбану аӷа.
Уажәы? Ҳара-ҳара ҳаиҿаҳар ҟалоит. Ҳԥыза ду ҩынтәныхынтәны аҟәыӷара ааирԥшыр акәхоит, арахь идгылаша
аҟәыӷацәа маҷхеит. Иара ихаҭа иакәым, ҳарҭ, аԥсуаа зегьы
даҽа ԥышәара дуӡӡак ҳааҭагылеит.
Аибашьра иарҿыхеит, жәашықәсала «ицәаз» аԥсуаа реибашьышьа, ргәымшәара, рхьамҵра, ахьӡ-аԥша, убасҵәҟьа
иҿыхеит ҳцәа иалаз ауаҩымра, аԥсымҭәра, ҳҿазҳәоз ашахақәа
– аламыс, аԥсуара иаҳа-иаҳа аԥыҵәҵәара иаҿуп. Акымкәа,
ҩбамкәа афактқәа – ақырҭқәа рмал еимакны еибарԥсит, иацы
аӷа иабашьуаз. Аибашьраангьы иҿыхахьан аԥсымҭәра.
Исгәалашәеит, аибашьраан Гәдоуҭа дааны дыҟан ҟара­
бахтәи ерманы журналистк. Мышқәак ҳаицын, сицхраауан.
– Мрагыларахьтәи афронт аҟнытә иааз ҭаацәарак
срацәажәар сҭахуп, – аниҳәа, дызгеит Бамбораҟа. Амҩан
иасҳәеит ақыҭа аҭоурых. Жәытәнатә аахыс уи аҳабла Лыхны
ақыҭа ду иалан. Сталини Бериеи рмилаҭ Қырҭтәылантәи иааганы индырхеит. Лыхны иаамырхын, қыҭа хазны иҟарҵеит. Бамбора, ахьӡгьы рыԥсахит Орџьоникиӡе ҳәа. Рынхара-рынҵыра,
аԥсуаа иҳагырханы, аибашьра дара ирхыргазшәа, зегьрыла
ирыцхраауан. Иахьнеилак дара рзыҳәан ашәқәа зегьы аартын. Уахәаԥш, аԥсуа нхацәа, егьырҭ ақыҭақәа рҿы ишынхақәо,
уахәаԥш, уажә ҳахьцо, ублала иубап аҿыцынхацәа рыҩнқәа
заҟароу. Шьаҿацыԥхьаӡа амилаҭеилыхра, аиҟарамра. Сталин
изыҳәан иҟан ҩ-милаҭк – аурысцәеи ақырҭқәеи, егьырҭ зегьы иара изыҳәан иуааӡамызт. Ленин зышьаҭа икыз, иҵаҩы
еихеиҳаит. Ашьаҭаиркит ахырбгалара. «Ажәларқәа риашьара» ишыҟаҵәҟьаз еилукаарц азыҳәан, уажәы ҳахьцо Бамбора ҿырԥштәы бзиоуп. Еиԥшуп Бамбореи Ашьха Ҟарабахи.

Аерманцәа шәыдгьыл, аӡербаиџьанцәа ирырҭеит, «аешьара»
рыбжьарҵеит. Иалҵыз удыруеит. Убасҵәҟьа ҟарҵеит лхаа.
«Ҳаҭашәымҵан, «ҳашьцәа» шәахьынтәааз шәхынҳәы» ҳәа, –
нарарҳәан, «ҳаҭыр» рықәҵаны иқәырцеит.
Ҳнеит сашьа иҭаацәеи сани ахьынхоз Бамбора. Ажурналист акраамҭа длацәажәон сан. Илҳәоз аниҵон. Аҵыхәтәан:
«Ишәҳәеит, шәынхара-шәынҵыра шәаӷацәа ишырыблыз.
Ишәҳәеит, уажәы, араҟа шәахьынхо, шәзыҩноу ақырҭуа
иҩноуп. Аибашьра анеилгалак, шәгәы ишԥаанаго, шәқыҭахь,
шәҳаблахь уахь шәхынҳәуоу, араҟа шәаангылауоу? – аниҳәа,
сан лылабжышқәа хаҟәҟәала ҿаалҭит: «Ҳлақәа рыҭра сара
исызхоит, убри сыҩналоит. Иумбои ари изакә хану?! Сара
еиҳа еиӷьысшьоит ахатәы лаҭра, сқыҭаҿы!»
Ҳхынҳәны ҳанаауаз:
– Ҟарабахтәи анацәеи уара уан илҳәази акоуп: «Аӷа иҩны
аҵкыс еиӷьысшьоит схатәы лаҭра», – шаҟа ибзианы илҳәазеи.
Уажәы, аибашьраан, уаҳа ԥсыхәа шәымам, ауаа анхарҭаанҵырҭа рымам. Аха аибашьра ашьҭахь иҟашәҵа, ҳара,
аерманцәа иҟаҳҵаз.
– Иҟашәҵазеи?
– Ирбганы иқәаҳхит, ҳадгьыл ҳамазкыз, ҳаӷацәа рыҩнырынхара, – аниҳәа, сара лаф еиқәаҵәак иасҳәеит:
– Ҩынҩажәа, ҩынҩажәижәабатәи ашықәс аамҭала, аренда ҳасабала ираҳҭеит. Аренда азыҳәан ашәахтә шәатәыми?!
Аԥара ацымхәрас рыҩнқәа рымаҳхит.
– Еилыскааит улаф. Аха шәаԥхьаҟа ишәԥырхагахоит,
усҵәҟьа ҟашәҵар.
Абри ахшыҩҵак ду иаҳәатәуп ҳԥыза.
Октиабр 3, 1993 ш.
Сҩыза гәакьа, аурыс шәҟәыҩҩы, апатриот иашаҵәҟьа, «Литературнаиа Россиа» аредактор хада, гәыкала-ԥсыкала Аԥсны
бзиа избо Ернст Сафонов аҭел сизасит.
Сыбжьы аниаҳа, сара ажәақәак сҳәаанӡа, ибжьы лахҿыхӡа,
дгәырӷьаҵәа:
– Молодцы! Молодцы, абхазы! Ишәыдысныҳәалоит! Адунеи зегьы ираҳартә афырхаҵара дуӡӡа аашәырԥшит! – иб-

жьы ҭыҩит ателефон – аиааира аныжәга аҽны, ашамҭазы,
сгылаанӡа, арадио сазыӡырҩит. Ашьҭахь телехәаԥшралагьы
иаҳдырбеит, нас аредакциа аҟны саннеи, аусзуҩцәа ҳазегьы
ҳааизан, Аԥсны ныҳәаны аҵәыцақәак аанаҳкылеит. Рызегьы сазҵаауан уара узыҳәан, деибганы далҵма ҳәа. Иудыс­
ныҳәалоит! Иудысныҳәалоит!
– Ерик, сҩыза гәакьа, уаргьы иудысныҳәалоит. Ҳара
ҳиааира уара ухәҭа ду алоугалеит. Иудыруеит, афашистцәа
анҳақәла аҽны инаркны, шәгазеҭ номерцыԥхьаӡа ҳзыхьчоз
астатиақәа анышәҵон. Ернст, уара раԥхьа унаргыланы, средакциа гәакьа аусзуҩцәа зегьы иҭабуп ҳәа сызраҳәа. Иара
убас иҭабуп ҳәа сызраҳәа, реиҳа ҳангәаҟуаз, аԥсреи абзареи
ҳанҭагылаз аамҭазы иҳадгылаз, иҳацхраауаз Урыстәыла аинтеллигенциа рызегьы, рызегьы иҭабуп ҳәа сызраҳәа. Сыгәра
га, иаҳзыжәуз абзиара иаҳхашҭуам, шәара шәакәмызҭгьы,
ҳақәырхуан афашистцәа.
– Сҩыза, сашьа, иудыруеит, доуҳала шаҟа ҳаизааигәоу, иаахтны иуасҳәоит даҽакы, – иажәа инациҵеит, – ҳарҭ, аурысцәа,
ҳаамҭазтәи ҳҭоурых ианылоит еиқәаҵәоу цәаҳәаны, ани,
Кремль итәоу ҳхада иҟаиҵаз. Ампыҵахалаҩцәа ианшәықәла,
раанкылара мариан. Иара илшон, аԥсуаа шәымацара шәакәым,
ақырҭуа жәларгьы ирзеиӷьын. Ижәдыруазааит аԥсуаа,
иреиӷьу аурыс шәҟәыҩҩцәа, аурыс интеллигенциа шәара
ишәыдгылеит. Ҳара, аурысцәа ҳазҭахым, шәаргьы шәырҭахым.
Москва уанааилак, иусырбоит, уара уеиқәырхаразы, Аԥсны
ацхыраара азыҳәан иаарышьҭуаз ателеграммақәа, асалам
шәыҟәқәа, – иҳәеит:
– Сыхьӡала, рызегьы идуӡӡаны иҭабуп ҳәа сызраҳәа.
Даҽа­знык агәра згоит, уара ужәлар, аурыс жәлар адоуҳатә мал
раԥхьа ишдыргыло. Ихьанҭоу ҳаамҭазы, нахьхьи, џьара инхоз,
илшоз ахәыҷала, доуҳатә мал хәыҷқәак аԥызҵаз, арыцҳара
данақәшәа, убри дыргәалашәаны ицхыраарц иалагаз, уаҩ
ианаҳәо даара ирацәоуп. Ҷыдала уара, сҩыза гәакьа, сыгәра
га, аԥсуа жәлар ирхашҭуам иҟауҵаз аус дуқәа, – сҳәеит.
– Уареи сареи иҭабуп ҳабжьам. Ибзианы исгәалашәоит,
анхацәа қьиақәа уани уаби. Уаб илафқәа схашҭуам, иԥсаҭа
шкәакәахааит. Уан дышԥаҟоу?

– Сашьа иҟны дыҟоуп. Уареи, уԥшәма Лиалеи, нас
уԥҳа, умаҳә, ҳҩызцәа уҳәа ҳахьеиқәшәахьаз, аҵәыцақәак
ахьаанаҳкылахьаз, сахьиз, сахьааӡаз сани саби рынхарарынҵыра, кәытҵара заҵәыкгьы аанырмыжьит афашистцәа,
ирыблит, иалгеит, иршьит, иршьӡеит сҳабла хәыҷы. Макьанагьы уахь дҳамгаӡацт ҳан, сацәшәоит, аццышә днахагылар, дахыԥсаар ҳәа. Схырхәаны еиҭах, даҽазнык иҭабуп ҳәа
уасҳәоит сеиқәырхара уахьацхраауаз.
– Сара сакәым, аԥхьаҩцәеи, авторцәеи рыхьӡала телеграммак аҳасабала, иуҳәақәаз иааркьаҿны, иаашьҭы. Аԥсны
мацара акәым, Нхыҵ-Кавкази, Краснодартәи атәылаҿацәи
корреспондентс ушыҟац уҟазаауеит. Иаҳзыҩла, ҳазыԥшуп.
– Иҭабуп, ҳәарада, сақәшаҳаҭуп. Аха Ерик, сгәабзиара
уашәшәырахеит. Афашистцәа ахьсыӷрасуаз, сцацха ԥыржәеит,
гематома, ашьыршәы сыӷратәоуп. Маӡала зцәа зтәымхаз,
изҵәахуа аԥҳәыс слеиԥшуп. Акашне акәыршаны сныҟәоит. Уи
аԥҟара мариоуп. Ишәарҭоу даҽакуп. Автомат ашьхәала схы
иахьасыз, зны-зынла, аӡыӡ алакьакьозшәа сааҭрыслоит, иаасыхьлоит. Пушкин иҳәашьала, «мой друг бесценный» Ернст,
слахьынҵа убас ианын, сахаанхартә, сыблала избартә, абара
мацара акәым, схаҭа салахәыртә, аԥсуаа рҭоурых аҿы иҟалаз,
иҟарҵаз аҭоурыхтә хҭыс дуӡӡа! Снаԥшны акәым, агәҭаҵәҟьа
салагылан, иудыруеит. Макьана анаҟа-араҟа ахысыбжьқәа
гоит, аха инеизакны аибашьра еиқәтәеит, ихышхыҵәаны илеиуаз аӡеибафара, хәыҷы-хәыҷла аҭыԥ аҭатәара иалагеит. Усҟан,
иудыруеит, исылшоз ҟасҵеит. Ужәшьҭа, сгәанала, уалԥшьас
исыдуп Аԥсны ахақәиҭразы иҭахақәаз, разҟыла еиқәхақәаз,
сыблала избақәаз, исывыршьаақәаз аҷкәынцәа, аҭыԥҳацәа
рзыҳәан аҩра. Иуцәызӡом, аҩра салагахьеит иҟалаҵәҟьаз
ароман. Уи ароман аҟны, ҳәарада, иааркьаҿны акәзаргьы,
уара ухаҿсахьагьы аарԥшхоит. Уигьы уалԥшьас исыдуп.
– Сара иҟасҵеит исыхәҭаз…
– Даҽазнык иуасҳәоит, Ернст, Аԥсны аиқәырхаразы ухәҭа
алаугалеит. Ҳара ҳзыҳәан, ууацәа, қарҭаа џьоукы ӷацәас иуоуит,
уигьы здыруеит. Аиааира дуӡӡа шаҳгазгьы, иудыруеит, сҩыза,
аибашьра ҟалаанӡагьы саргьы есқьынагьы саҿагылаҩын аибашьра. Иаҵахазгьы, аиааира згазгьы, ҳазегьы ҳзыҳәан траге-

диа дуӡӡоуп, еиҳарак амилаҭ маҷқәа рзыҳәан. Аха иҳақәланы,
ҳашьра ианалага, ишԥаҟаҳҵоз? Ҳхы ҳахьчон аԥсуаа. Ерик,
даҽазнык иуасҳәар сҭахуп акы. Ҳара аԥсуаа ҳзыҳәан аӷацәа
уоуит. Аха уи аамҭалоуп. Ақырҭқәа мышкызны еилыркаап
афашизм ишықәнахуа. Уареи сареи ҳазҿагылоу, иудыруеит, ақырҭуа жәлар ракәӡам. Ҳаҿагылоуп ақырҭуа нацизм, –
анысҳәа, Ернст инациҵеит:
– Уаҟагьы, Анцәа иџьшьаны, иҟоуп ақырҭуа шәҟәыҩҩцәа
агуманистцәа. Иудыруеит, сыԥшәма Қарҭтәын. Санаауаз, сҩыза
қырҭуа шәҟәыҩҩык снаскьеигон. Адәыӷба аанҿасырҭаҿы
ҳахьнеиз, инаӡа-ааӡаны алозунг дуӡӡа кнаҳан. Ианузеи?
Ухаҿы иузаагом. Сыблала избазоуп: «Русские, не уезжаите,
нам нужны рабы и проститутки!» Сҩыза, ақырҭуа шәҟәыҩҩы
иԥсахы еибакны, ҿааиҭит: «Это позор Грузии! Грузия идет к
гибели».
– Ернст, аԥсуаа ирҳәоит, Анцәа ицәымӷхаз, аҭынха ӷас
дҟаиҵоит. Иудыруеит, иҟам даҽа милаҭк, аԥсуаа раҟара
ақырҭқәа ҳаҭыр рықәызҵоз. Иубоит ишҳазныҟәаз, – саланагалан, инацысҵеит, – иудыруеит, Альберт Камиу афашизм
азыҳәан ииҳәаз. Иааркьаҿны иҳәеит, убас егьахьӡиҵеит ироман «Чума» ҳәа, азҩа-ҿкы. Даара ирацәаҩхеит уи азҩаҿкы зыхьыз. Убас ичмазаҩхеит, реиҳа ирзааигәаз амилаҭқәа ӷацәас
иҟарҵеит. Аҭоурых иадыруеит, аԥсуаа рџьабаа ду шалоу ақырҭуа
ҳәынҭқарра аҟаҵара. Ақырҭқәа еиқәзырхаз Урыстәылоуп.
Урыстәыла акәмызҭгьы, ма Иран, мамзаргьы Ҭырқәтәыла иалазаауан провинциак аҳасабала. Уажәы иаарыкәыршаны
аӷацәа дырҳаит. Уажәгьы аринахысгьы еинышәашьа амаӡам
Қырҭтәылеи Аԥсни, Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә идеологиас
иҟаҵаны афашизм. Сыгәра га, уи сзырҳәо ацәанырра акәӡам.
Аҳәынҭқарра ахада даналырхуаз, Гамсахурдиа лозунгс
иман: «Қырҭтәыла, ақырҭқәа рзыҳәан мацара». Абри аҩыза
ахшыҩдара зҳәаз, ахеивҟьа идгылеит алхыҩцәа, абжьқәа
иоуит. Шьаҿақәак ҟарҵеит абӷаларахь. Гамсахурдиа иаҵкыс
иаҳагьы деицәахеит Шеварднадӡе, иаҳагьы ихьит ачымазара
азҩаҿкы, чума. Ерик, Аԥсны дақәлаанӡа, аӡы сҭаԥшуазшәа,
иаарыцқьаны мызкы шагыз, урыс бызшәала, агазеҭ «Абхазиа» ианысҵеит статиак Шеварднадӡе изкны, «Уажәшьҭа уара

ҳара уаҳзыӡырҩы», ҳәа ахьӡҵаны. Убри сыстатиаҿы исҳәеит:
«Иуабжьызгоит акы: аимпериа ду шхурбгалаз, убасҵәҟьа
ихырбгала «аимпериа хәыҷгьы». Иудыруеит, Андреи Сахаров
Қырҭтәыла азыҳәан «аимпериа хәыҷы» шазиҳәаз.
– Убарҭқәа рзыҳәаноуп уара утҟәаны уанрымаз иналукааша ашәҟәыҩҩцәа дуқәеи, аԥхьаҩцәа ҟәыӷацәеи уеи­
қәырхаразы рыбжьы здыргаз. Шәара, аԥсуаа аиааира жәгеит,
аха Қырҭтәыла аҩныҵҟа даҽазнык аиааира агеит афашизм. Еиҿҳарԥшып Гитлер ихаантәи Германиеи ҳаамҭазтәи
Қырҭтәылеи. Германиа анаҵаха, иаразнак мап ацәыркит
афашизм. Қырҭтәыла, уажәтәи аибашьраан, ианаҵаха,
иџьоушьаша, афашизм иаҳагьы аҽарӷәӷәеит. Адунеитә
апро­грессивтә агуманистцәа рыбжьы дыргароуп афашизм
ишҭанархо, раԥхьаҟа иҵегьы арыцҳара дуқәа шырзаанаго
ақырҭуа жәлар, – иҳәеит аурыс шәҟәыҩҩы Ернст Сафонов.
Ҳаицәажәара ҳаналгоз:
– Ахшыҩ чымазара азҩаҿкы раԥхьаӡа идзырхьыз, сгәанала,
«ажәларқәа раб» (ииашаны иуҳәозар, ажәларқәа рпалач)
ақырҭқәа рҵеи Џьуӷашвили иоуп. Ҩажәижәаба шықәса агәра
диргон, ақырҭуа иаҵкыс иԥшӡоу, ақырҭуа иаҵкыс иҟәышу,
ақырҭуа иаҟара ахаҵара злоу адунеи аҿы даҽа жәларык
ыҟам ҳәа. Рхы ҭиҟьеит. Даргьы, даара имаҷҩымкәа агәра
ргеит убасҵәҟьа иҟоуп ҳәа. Ернст, иузаазгоит ҿырԥштәык.
Ақырҭуа журнал «Мнаҭоби» ианылон сповестк. Аредактор
хада аиаша уҳәозар, иара ихаҭа дгуманистын, дышәҟәыҩҩы
бзиан. Уибар иҭахуп анырҳәа, сцеит Қарҭ. Ҳаҭыр ду сықәҵаны
сидикылеит. Аҭел аашьҭихын, ԥыҭҩык аредакциа аусзуҩцәеи,
изааигәаз рышәҟәыҩҩцәақәаки аҭел дырзасит, асас дахь
даҳҭоуп, аԥсуа шәҟәыҩҩы қәыԥш ҳәа нареиҳәан, ԥыҭҩык
еизигеит. «Иповест ҳкьыԥхьуеит. Даара иаҳгәаԥхеит иҩымҭа.
Абаҩхатәра бзиаӡа илоуп» ҳәа, – дналаган, сзаԥсам аҟара
сирҽхәеит. Иҳәон, ҳәарада, қырҭшәала. Еицырдыруа қырҭуа
шәҟәыҩҩык диазҵааит: «Даԥсуоума?» «Ааи, даԥсуоуп».
«Ианышәҵаз аҩымҭа, ииашаҵәҟьаны, иҩымҭа бзиоума?»
«Даара ибзиоуп». «Аԥсуа аҩымҭа бзиа изыҩуама?» – ҿааиҭит,
ҳәарада, қырҭшәала. Аӡәгьы имаимкит. Убасҟан даҽазнык
агәра згеит, ақырҭуа интеллигенциа шычмазаҩу. Аурысцәа –

аҳәақәа, аԥсуаа – абнауаа, ауаԥсцәа – агәамсам. Ухаҿы иузаагару абри аҩыза аидеологиа ҳәынҭқарратә политиканы. Ерик,
сҩыза гәакьа, иҟоуп аԥсыуа ажәаԥҟак: «Аашьышь анцәыцәы,
абга иацҳарц, абнахь ицеит». Қырҭтәыла анцәыцәы, аурысамшә атәарҭа иацҳауа иалагеит. Амшә, иудыруеит, иачҳауеит,
иачҳауеит, аха игәааны ибыбыр аҭыҩра иҭыҵыр, Қырҭтәыла
аразҟы ҽеихом. Ани, икнарҳаз алозунг: «Русские, не уезжаите, нам нужны рабы и проститутки», иааҳәны дара ирыхьыр ҟалоит. Ажәала имҳәакәа, аԥсҭазаараҿ иҟарҵар ҟалоит
ақырҭқәа рзыҳәан аурысцәа. Аа, уажәнатә иаалагахьеит, иудыруеит, иубоит ақырҭқәа рҵеицәа иреиӷьқәоу Қырҭтәыла
иқәҵны, Урыстәылаҟа ацара иаҿуп. Еиҳарак изыхҟьои? Рхы
рызныҟәгом. Ҳара аԥсуаагьы ҳхы ҳазныҟәымгар, ҳус ҽеихом.
Апатриотизм ҳаиқәнархеит, аӷа данҳақәла. Аха аҭынчраан
апатриотизм иаарԥштәуп даҽаџьара – аусура, амаашьара, –
саланагалан, сыгәҭыхақәа аниасҳәа, ҳазхара ҳанеицәажәа,
даҽазнык иҭабуп ҳәа наиаҳәаны, ҳаицәажәара абас
ихсыркәшеит: «Аиҩызареи аиааиреи ԥсык еицырхоуп».
– Уԥшәма Лиудмила, уҷкәынцәа Беслан, Давид сызгәыдкыл,
гәыкала-ԥсыкала сыхьӡала ирыдныҳәала шәиааира дуӡӡа!
Молодцы, аԥсуаа, ақырҭуа фашизм абӷа ԥышәҵәеит! – аҭел
ибжьы ҭыҩуан сҩыза ду.
– Лыԥсаҭа шкәакәахааит, уԥшәма, сара сҩыза Лариса Мелик-Нубарова лыгәҭыха наӡеит Аԥсны, аԥсуаа аиааира ргеит. Асалам сызрыҭ уҷкәын Ваниа, ашәҟәыҩҩра абаҩхатәра
ссир злоу уԥҳа Марина, салам сызиҭ умаҳә. Ерик, даҽазнык
иуасҳәоит, уажәраанӡа исҳәаз ахшыҩҵак: «Аиҩызареи аиааиреи ԥсык еицырхоуп».
Октиабр 5, 1993 ш.,
аҩаша, Лыхны
Аибашьра анцоз, аӡы шыцәоу избар, блеихаҟәысрак ина­
лагӡаны инеиқәысыԥхьаӡон сзыргәаҟуаз: «Сҭаацәа, сҭын­
хацәа! Аԥсны, нас саргьы, суҳәоит ҳаиқәырха!»
Аӡы шыцәаз избазшәа… Мамзаргьы аибашьра ианалга,
сыҷкәынцәеи сареи абга ҳԥылазшәа, мышьҭабзиала, ҳаи­
бганы ҳалҵит.

Аҩсҭаа илымҳа џьгәоуп…
Ашьшьыҳәа ашә аартны сныҩналеит сыҷкәынцәа ахьыцәаз
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 28
  • Büleklär
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3297
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2168
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3320
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2205
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3316
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2137
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3287
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2274
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3310
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2217
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3312
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2192
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3344
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2253
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3343
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2243
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3376
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2272
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3361
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2270
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3391
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2253
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3305
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2240
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3306
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2239
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3344
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2122
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3341
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2196
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3317
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2193
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3387
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2182
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3341
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2238
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 19
    Süzlärneñ gomumi sanı 3344
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2149
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 20
    Süzlärneñ gomumi sanı 3317
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2281
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 21
    Süzlärneñ gomumi sanı 3324
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2241
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 22
    Süzlärneñ gomumi sanı 3363
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2230
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 23
    Süzlärneñ gomumi sanı 3382
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2125
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 24
    Süzlärneñ gomumi sanı 3392
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2127
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 25
    Süzlärneñ gomumi sanı 3405
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2240
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 26
    Süzlärneñ gomumi sanı 3292
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2235
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 27
    Süzlärneñ gomumi sanı 3317
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2213
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 28
    Süzlärneñ gomumi sanı 3332
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2237
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 29
    Süzlärneñ gomumi sanı 3332
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2251
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 30
    Süzlärneñ gomumi sanı 3299
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2291
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 31
    Süzlärneñ gomumi sanı 3267
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2345
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 32
    Süzlärneñ gomumi sanı 3318
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2355
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 33
    Süzlärneñ gomumi sanı 3308
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2234
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 34
    Süzlärneñ gomumi sanı 3318
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2304
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 35
    Süzlärneñ gomumi sanı 3386
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2303
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 36
    Süzlärneñ gomumi sanı 3299
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2329
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 37
    Süzlärneñ gomumi sanı 3306
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2320
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 38
    Süzlärneñ gomumi sanı 3363
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2108
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 39
    Süzlärneñ gomumi sanı 3361
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2193
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 40
    Süzlärneñ gomumi sanı 3410
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2206
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 41
    Süzlärneñ gomumi sanı 3336
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2182
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 42
    Süzlärneñ gomumi sanı 3265
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2139
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 43
    Süzlärneñ gomumi sanı 3370
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2247
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 44
    Süzlärneñ gomumi sanı 3336
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2147
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 45
    Süzlärneñ gomumi sanı 2585
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1744